Latin

Аамҭа цәгьақәа раан. - 01

Общее количество слов 3616
Общее количество уникальных слов составляет 1944
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
Леуа Леиба дышқәыԥшыз аҩра далагеит. Амала, 2003
шықәсанӡа шәҟәык изҭмыжьит.
Уигьы…
Убри раԥхьатәи ишәҟәы инаркны, ишәҟәқәа зегьы
рыҟны тема хадақәас ишьҭихит: иԥсадгьыли, иҭаацәеи,
ижәлари, лымкаала ибзианы иидыруаз иҩызцәеи, аибашьцәеи, ирҵаҩратә заанаҭи. Иара убас иҩымҭақәа ирныԥшуеит ицәымӷу ауаа ирԥырхагоу, иаҳҳәап: аӷьычцәа,
ақәылаҩцәа, аҵарҭышгаҩцәа, аҭыԥ «ԥхақәа» ирышьҭоу
ахҭыԥшшацәа, аибашьраан, зыԥсадгьыл кажьны иқәҵны
ицақәаз, нас иааины, аҭыԥ «дуқәа» ирышьҭалақәаз уҳәа
убас егьырҭӷьы.
Абарҭқәа ирызкны, иахьа уажәраанӡагьы, аҩымҭақәа
аԥиҵоит, иагьҭижьхьеит аа-шәҟәык, иҭыжьымгьы рацәоуп.
Уи ишәҟәқәа ирныԥшуеит, хыхь-хыхьла амцхә арԥшӡацәара дашьҭамлаӡакәа, иара дызхаанны ибзианы
иидыруаз аԥсҭазаара шыҟаҵәҟьаз аарԥшра. Уи згәаԥхо
аԥхьаҩцәа рацәаҩхеит, иагьидырныҳәалахьеит иара.
Уи изеиԥшны ицааиуеит алитературатә жанрқәа зегьы,
иаҳҳәап: ацуфарақәа, ажәарццакқәа, ажәабжь кьаҿқәа,
аиумор, ажәабжьқәа, ажәеинраалақәа, апоемақәа. Иара
убас иҩхьеит аповестгьы. Иахьа ожәраанӡа иимҩыцыз
ароманқәа ракәын. Урҭгьы иахьа иҳадигалоит, ҳагәгьы
иаанагоит аԥхьаҩ игәаԥхоит ҳәа.
Ари ашәҟәы иануп ҩ-романк: «Аамҭа цәгьақәа раан»,
«Ани Аԥсадгьыли».
«Аамҭа цәгьақәа раан» ианыԥшуеит Аџьынџьтәылатә
еибашьра ду ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан, аԥсуаа рыԥсҭазаашьа шыҟаз. СССР иқәынхоз ажәларқәа зегьы еидгыланы, аӷа хәымга иҿагыланы, хацәнамырха, ианеибашьуаз, ақырҭқәа Аԥсныҟа аара ишаҿыз, ара иахьааиуаз
рхы шымҩаԥыргоз. Аԥсуааи аурысқәеи иеидгыланы урҭ
ишырҿагылоз…
Ибзианы иаарԥшуп аурыс ԥҳәыс-ан лхаҿсахьа,
арҵаҩцәа рхаҿсахьақәа. Абзиабара атемагьы цқьаӡа
ианыԥшуеит ари ароман. Аԥсуа ҭаацәареи, аурыс ҭаацәареи уреигәырӷьаратә иаарԥшуп. Уи аԥҳьаҩ илаԥш
иҵашәаратә, ддырхәыцыртә иҟоуп.
Ари ашәҟәы иану аҩбатәи ароман раԥхьатәи хқәак
ануп «Смаҭа хәыҷы дкәашоит» аҿы. Уи ианыԥшуаз,
Марҭа лхәыҷра мацара акәызҭгьы, ара ианыԥшуеит,
Марҭа аҵара дшашьҭаз, аибашьра дшалахәыз, иара
убас Алхаси лареи рыбзиабара цқьа абзоурала ԥсуа
ҭаацәарак шеиқәхаз. Аԥсҭазаара згәы ахшәаны иҟаз Алхаси, уи иан, аҽшьразы зыҽкназҳахьази, Марҭа лыбзоурала, ишеиқәхаз, аԥсҭазаара ргәы аҳәо ишыҟалаз. Егьи
ароман аҿеиԥш, араагьы аԥсуааи аурысқәеи реиҩызара
аарԥшуп, иара убас аибашьраан аурысқәа ааны аԥсуаа
ирыдгыланы ишеибашьуаз уҳәа убас егьырҭгьы.
Аԥхьаҩ, сгәы иаанагоит ари ашәҟәгьы, автор егьырҭ
ишәҟәқәа зегьы реиԥш, агәахәара унаҭап ҳәа!

Аамҭа цәгьақәа раан

Атәи ахы

џьынџьтәылатә еибашьра Ду
ашьҭахьтәи ашықәсқәа руак
азы акәын. Хабалак гәаҟран.
Аҳра руан: амлеи, ахьҭеи, агәырҩа
цәгьеи. Усҟан зынӡа ҧсшьарак ҳәа имамызт ауаҩы. Иара ашьыжь дҩагылон,
аҽны
хәлаанӡа
ҧсеиҭакхак
ихы
иамҭаӡакәа дхандеиуан, хашәала ҳәа акгьы имаӡамкәа. Усҟан ахныҟәгара даара иуадаҩын. Ирфашаз акәын зегьы гәаҟуа изышьҭаз.
Аҽеилаҳәареи, рҽырҧшӡаны анхареи уҳәа зынӡак
аӡәгьы дрышьҭаӡамызт. Млакы ҳамгандаз ҳәа акәын,
ауаа зегьы зызхәыцуаз. Аҽеилаҳәараз, маҭәақәак раур,
ирыздырхон, абзиа иашьҭамызт. Насгьы иҳәатәуп, уи
аамҭазы, иахьеиҧш, ауаа руҭрақәа шәырла ирҭашьшьы
ишырҭатәамыз.
– Урҭ рыҟаҵара аамҭа рызҭодаз. Усҟантәи аамҭақәа
рзы, ишәарӡыӡо акәын ауаа адәы ишықәыз, рхазыҳәа аус
руртә еиԥш, аамҭа рырҭомызт. Азеиҧш усқәа ракәын зегьы зҿыз.
Хәымса хәыҷы иани иареи ракәын аҩны иахыз. Иаб
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ахь данцоз, иара дмиӡацызт, мызқәак аибашьра цахьаны еиҧш ауп иара дышиз. Хәымса иан лымала длааӡон лхәыҷы. «Абри асаби
длымоуп, аҭаҭын аплан илықәу маҷӡак иадымхаргьы
иааиҵаҳтәып», ҳәа башахазгьы аӡәы игәы иааҭашәомызт.
Аҭаҭын аплан илықәыз ҟаҵо, лхәыҷы дааӡо, ус цәгьала
дааиуан. Аџьықәреи лзылазҵодаз, илзылаҵаргьы, илзырашәозма? Лҭаҭын аус адулареи, лхәыҷы ибареи дырхашәаланы, уаҳа акгьы лзыҟаҵомызт. Амала, тәанчахәы
хәыҷык рауан, убри акәын рыҧсы зкыз. Убри атәанчахәы
хәыҷы ироуаз, рыуеи рҭынхеи ирырҭози, лҧеи лареи, ус
цәгьам бзиам илызлырхон. Аамҭа цон, Хәымса изҳауан.
Абар, уажәы, жәашықәса дырҭагылоуп Хәымса. Иара
жәашықәсагьы иҟахи, аха иара жәаа шықәса зхыҵуа
хәыҷык иеиҧш, ихы мҩаҧигомызт. Ду наӡак иеиҧш
акәын иара ихы шымҩаҧигоз. Иан илҳәоз џьара акы
дахыҧомызт, еснагь дарҕьажәҩаны длывагылан. Уи ала
лгәы дуун, иара ила дгәырҕьон. Лара лгәырҕьара илымаз
акәын, илылымшозгьы, лылзыршоз. Рбаҳча аҵыхәан,
лахьхьи, анаӡара ҧҳәасақәак ҭагылан. Урҭ ҟәшәаны,
рыҭира акәын Хәымса есымша дызҿыз. Урҭ ахьиҭиуаз
ҳәа иахьыҟаз, Мҷышьҭатәи адәыҕбаангыларҭатә станциаҿы акәын. Уа адәыҕбақәа рацәаны иангылон азы,
џьармыкьа хәыҷыкгьы ыҟан. Уи аџьармыкьа, ааигәасигәа ақыҭақәа рҿынтә, арахь, ауаа рацәаҩны иааиуан.
Шәыр-қәыр хәыҷқәак ирымақәаз ааидкыланы, крыҭира
ҳәа. Уи аӡәырҩы рыҧсы акын, уи ыҟамзар, амла иагоз
ҟалон, ҳәарада.
Хәымса хәыҷы, абжьааҧны еиҧш, иахьагьы, крыҭира
ҳәа дышцалац еиҧш, адәыҕбаангыларҭатә станциахь
дцеит иведра азна аҧҳәаса иманы. Хәымса уа дахьлеиз,
раҧхьа иааиз адәыҕбаҿы, иҧҳәаса ҭитәы имаз иҭиит.
Хәымса аҭитә имаз аниҭилак, дымҧшыкәа, абжьааҧны,
иҩныҟа дгьежьлауан.
Уа дахьҩеиуаз, аҭаҭын аҿыхреи, арыҧхреи уҳәа
рҿы, Хәымса иан длыцхраауан, аха иахьа ус ҟаимҵеит
Хәымса. Аихамҩа аузуҩцәа, аказен ҩынқәа ирыҩнақәаз,
изакәызаалак ирҭиуа ҳәа акгьы змамыз, аӡы рҭиуан.
Аихамҩа ҵаҟа уахьллыбаауаз, Мҷышьҭатәи аихатәы
трубақәа ирҭаланы аӡы аауан. Ара акрант ыҟан. Иахьа
хәлаанӡа акрант аартны, ахьыр-хьырҳәа аӡы леиуан.
Уаантәи акәын ахәыҷқәа ирҭиуаз аӡы ахьынтәааргоз.
Хәымсагьы иӡбеит, урҭ ахәыҷқәа реиҧш, иаргьы аӡы
иҭииларц. Аведра усгьы иара иман. Аҧҳәаса ҭира ҳәа
иара арахь данаауаз, ҵәыцак иџьаба инҭеиҵеит. Иҧҳәаса
аниҭи ашьҭахь, акрант аҿы днеин, иведра ааӡәӡәаны,
азна аӡы ааҟаиҵан, аӡы зҭиуаз аҷкәынцәа ишырҳәалоз
еиҧш, «есть холдная вода, родниковая вода» ҳәа ҳәо
иааины игылаз адәыҕба аҵыхәтәантәи авагон инаркны, ахантәи авагон аҿынӡа дцо-даауа, ҩынтә-хынтә
раҟара дыбжьысхьаны еиҧш, хаҵеи-ҧҳәыси еидгыланы
иеицәажәоз дынрывсны дышнеиуаз, аҧҳәыс лыбжьы
налыргеит:
- Уара аҷкәын, аӡы зҭиуа, уаагьежьны араанӡа уааии.
Ари абжьы иаҳаны Хәымса иашьҭахьҟа даахьаҧшит.
- Ара уааи, ара, - иҳәан Хәымса данаахьаҧш, ахаҵа
инапы ааиҟьеит. Ари Хәымса ианиба, афырҳәа даагьежьын, ахаҵеи аҧҳәыси еицәажәо иахьгылаз, дааины,
даарыдгылеит.
- Заҟа иаҧсоузеи, аҵәца азна аӡы? – дҵааит ахаҵа,
Хәымса раҧхьа дааины дшаарыдгылаз еиҧш.
- Заҟа сышәҭо, - аҭак ааҟаиҵеит деиҵамхаӡакәа
Хәымса.
- Аҵәца азна аӡы ҟаҵа, – даацәажәеит ахаҵа. Хәымса
дгәырҕьаҵәа, деиҵамхаӡакәа аҵәца рҭәны ахаҵа иахь
инаирхеит.
Ахаҵа Хәымса иаҵәца ааимхны, иҧҳәыс лахь инаирхеит.
- Сара аӡы зжәырц акәӡам дызсыргьежьыз ари аҷкәын,
– лҳәеит лара.
Ахаҵа игәы иаахәаны даҵашьшьы аӡы ижәит. Ахаҵа
иижәыз аӡы хьшәашәаӡа иҟан. Избанзар, акрант есымша
ишаартыц иаартын. Аӡы шааиц иааиуан уахгьы-ҽынгьы.
Аӡы ауаа иржәуан, иргон, ашыха арҭомызт.
Ахаҵа аӡы анижә ашьҭахь, иҧҳәысгьы илабжьеигеит,
ларгьы аӡы лжәырц, даара ихьшәашәаӡа ишыҟоу, ишшьха ӡыхьу.
- Изжәып нас саргьы, ус уара иануҭахха. Сара аӡы зжәып
ҳәа сгәы иҭаӡамызт, аха, - лҳәан лхаҵа днеиҿаҧшит.
Ахаҵа Хәымса ихы иқәкны ҿааиҭит:
- Даҽа ҵәыцак ҭаҭәа.
Хәымса ииҭахыз уи акәын. «Уажәыҵәҟьа» - иҳәан
иаҵәца рҭәны, ахаҵа иахь инаирхеит. Хәымса иаҵәца
ӡыла ирҭәны иикыз, ахаҵа иааимихын, нас иҧшәма
ашьшьыҳәа иналиркит. Иҧшәма аҵәца ааимылхын
инҭыркәкәаны илжәит. Лхаҵа иеиҧш, ларгьы илгәаҧхеит илжәыз аӡы. Аҧҳәыс аӡы ыжәны даналга,
иҭацәыз аҵәца Хәымса иахь инарххо, днеиҿаҧшит. Нас
лара иаразнак ала, лхы-лҿы аҽааиҭанакит. Аиқәаҵәара
аалҿысит хабалак, лааигәа-сигәа, иаалыкәыршаны, аалашьцеит. Хәыцра лашьцарак дынҭанагалеит.
Ростов дыҟоуп. Лыҧшәмеи лареи абри иаҟароу рҧа,
наҟ-ааҟ инапқәа кны, алҩа афҩы згәылшәшәа ицоз
амҩақәа руакы ианыланы инеиуеит. Урҭ ирласны рыҩны
инеир рҭахуп. Аб иҧа аибашьра ахьымцо, иани иаби
ахьынхо ахь дганы, дара аҕа хәымга иҿагыланы иқәҧо
асовет уаа ирыдгыланы иқәҧаларц ргәы иҭоуп. Амҩа
иқәланы иахьаауаз рыҷкәын илабжьон хаҵеи-ҧҳәыси
ирҳәо хеиҵарц, аха иара иуамызт. «Сара схәыҷума?
Абар ушьҭа жәа шықәса схыҵуеит. Сзааӡаз, исызгәакьоу
сықалақь аҕа хәымга изныжьны сара сабацо? Саргьы
сеибашьуеит», – иҳәон иара. Ани аби рҧа имуашәа
анырба даргьы иара ииҳәоз иазыразхеит. «Имуазар, ишҧаҳауреи? Ҳара ҳахьҧсуа, иара дыҧсгәышьап, ҳахьцо
дҳацзааит. Ҳара ҳазҿу, иаргьы даҿызаап» - рҳәан рҧа
ииҳәаз иазыразхеит.
- Ибзиоуп, нас дҳацзааит. – иҳәеит ахаҵа.
- Ҳаицызааит, уаҳзымҵаакәа џьара шьаҿак ҟаумҵалароуп, - лҳәан инапы илкыз, наужьны, ихы аалшьышьит Сериожа иан. Сериожа дгәырҕьаҵәа дааҟалеит,
иан ихы ахьылшьышьыз. Иан уаҳа ихы шылымшьышьуаз, ицәа иалашәазаргьы здырхуада? Сериожа иан инапы
анааулыжь, иаб инапы ахьикызгьы иаауижьын, иццакыццакуа иҩрывсны зҿыназхаз, Сериожа иҩыза даниба:
«Ани сҩыза иоуп, ак иасҳәар сҭахуп», - иҳәан иани иаби
днарызҵааны, иҩыза днаишьҭалеит. Сериожа иҩыза
дҩаихьӡан, аҧсшәақәа ааибырҳәеит. Сериожа иани
иаби ишьҭаланы иахьааиуаз ари рыблақәа ирбон. Убри
аамҭазы акыр инахараны, ажәҩан ахьтә бжьы цәгьак аагеит. Убри абжьы цәгьа игаз, закәу ауаа иеилыркаанӡа
абомба каҳаит. Абомба анкаҳа ашьҭахь, ҳәҳәарахеит,
ҕызрахеит. Уахьыҧшлак. Акгьы убом. Абомба икаҳаз
алҩа ихчылаз иарлашьцеит, афҩы бааҧсы арҵысит,
ашоура ду ҟанаҵеит. Сериожа иҩыза дишьҭаланы, акыр
дҩаскьахьан. Абомба ахькаҳаз, урҭ еиҳа ирзааигәан, Сериожа иани иаби ахьааиуаз аҵкьыс. Убри аҟнытә. Сериожа иани иаби акгьы рмыхьит. Маҷк аҟара алҩа ихчылаз ахыҵра ианалага, еилаҟәаҟәа еилажьыз аҧсцәа
ирхагылан, имҧсыкәа инхақәаз рыҕызбжьи рыҵәаабжьи, реиқәҿыҭыбжьи, рықьызқьызбжьи улымҳа
ҵырхаауан. Сериожа иани иаби рыҷкәын ихьӡ ҳәаны
аҿҭра иааҟәымҵӡакәа иаҿын, аха аҭак бжьы ҳәа акгьы раҳауамызт. Ҳәарада уи зыҧсы ҭаны иаанхази,
ма абомба аҧҽыхақәа зааханы, ихәны инхақәази, ма
иҧсны иубаратәы иҟақәази рахь дыҟамызт. Уи абомба
ахькаҳаз, адгьыл иҵнажааз, ахаҳәи анышәи дырҵәахит,
мамзар, уаҩы димбо, дыцҟьа-шәҟьа, адгьыл аҵахь
дыҵанаҵеит. Ашьҭахь, ауаа изларҳәоз ала, ари Ростов
аҕа иҳаирпланқәа анхала, раҧхьатәи амш акәын. Абомбагьы Ростов ақалақь иалаҳаз раҧхьатәи абомбақәа
ируакын. Ахаҵеи аҧҳәыси ҿҭрала каамеҭ-еиқәаҵәа
ҟарҵеит, аха рыҷкәын заҵәы уаҳа ихабар рымбаӡеит…
Аибашьраан лыҧшәмеи лареи зықәшәақәаз, уажәы,
лаҧшҵашәараны иаалхаҧаз, дааиланагеит Марусиа.
Марусиа лыҟазшьа Иван Иван – иҧа иангәеиҭа, иааицәымыҕханы, днылҿаҧшны, ҿааиҭит:
- Ибыхьи, Марусиа, быҟазшьа сгәаҧхом, акалашәақәа
бызбоит?
- Ишҧасмыхь, Иван. Абри ҳаҧхьа игылоу аҷкәын
ҽеишәа уиҿаҧши?. Иван Хәымса данынаиҿаҧш, азнык азы, иаргьы ииҳәара-ииура изымдыруа дааҟалеит.
«Сериожа дышҧаиеиҧшу» ааигәахәит, нас илаҕырӡқәа
иблақәа иаархыжжылан иӡҕы илахьыкәкәеит. Иван ихы
ҩышьҭыхны, Марусиа днылҿаҧшын, лыжәҩахырқәа рыҕәҕәаны, иаанкыланы дааигәыдиҳәҳәалеит.
- Марусиа сара издырит бара ибыхьыз. Ари аҷкәын
аӡы ҳзыржәыз, абомба иаҳцәагаз ҳаҷкәын Сериожа
дахьиеиҧшу азы ауп, ус ауми?
- Иван, иаҳҳәеит ҳәа асҵәҟьа еиҧшышьа убахьоу? ҳаҷкәын ихы аахҵәа ихагылоуп, – лҳәеит Марусиа, дқьызқьызуа, лылаҕырӡқәа лызнымкылауа.
- Марусиа, сара уажәоуп иангәасҭа ари аҷкәын Сериожа дышиеиҧшыз, - иҳәеит иаргьы илаҕыӡқәа шаац
иаауа.
Арҭ ас еицәажәошәа аниба, насгьы дара ирҳәоз иара
ианеиликаа, иаарыцҳаишьан, дрыдҵны дцарц иҿынеихеит Хәымса.
- Иван аӡы иаажәыз ахәгьы иумҭаӡеитеи, - лҳәан Марусиа лхаҵа дниҿаҧшит.
- Уи ауми, бара, иаргьы «аӡы ижәжәыз ахә сышәҭ» ҳәа мҳәаӡакәа дышцо бымбаӡои? Сериожа иакәзаргьы,
убасҵәҟьа акәын иҟаиҵоз… «Уара арҧыс, уаагьежьи
арахь, «сҧарақәа сышәҭ» - ҳәа мҳәаӡакәа уабацои?
– иҳәан Иван ибжьы Хәымса инаиқәиргеит. Хәымса,
дыҧхашьа-ҧхаҵо даагьежьны дааит, Ивани Марусиеи
ахьгылаз, днарыдгылеит, заҟа мааҭ сырҭарызеи ҳәа
хаҵеи ҧҳәыси дырҿаҧшуа.
- Уара, ҧыҭк иҭ, ҧыҭк, уи азы акгьы ҳахьуам. Уҷкәын
иуҭошәа иҧхьаӡаны иҭ, - лҳәан Марусиа Иван иахь лыбжьы налыргеит, нас Хәымса дихәаҧшуа дааҭгылеит
лылаҕырӡқәагьы ҿыц рҿылархеит.
Иван Хәымса раӡын ҧарақәак исҭоит ҳәа усгьы игәы
иҭаӡамызт. Иван иџьаба иааҭихит иҧараҭра ҩажәеи хәба
мааҭ ицоз ақьаад ҧара аарылихын Хәымса ииҭарц инаирххеит. Хәымса ииҭо аҧарақәа, ааџьеишьан, «имцхәуп,
имцхәуп, ари аҟара сҭахӡам» - ҳәа Иван днеиҿаҧшит.
- Даҽакы ҟаҵа, Иван, даҽакы, дааҕьаҵәы-ҕьаҵәит
Марусиа дахьгылаз. Иван Марусиа лҳәатәы аахеиҵан,
даҽа ҩажәеи хәба мааҭ ицоз ақьаад ҧара, иҧараҭра
иааҭихын, уаанӡа ирмазеины иикыз инациҵан, Хәымса
иахь иааирххеит.
Хәымса иааицәымаҕхан, дыҧхашьа-ҧхаҵо ҿааиҭит:
- «Диадиа, ари мыцхәцәоуп».
- Исымх, - иҳәеит Иван ибжьы хәыҷык ирҕьеҩшәа.
- Имх, сымш, имх, - лҳәеит Марусиа.
Иван Хәымса изырханы иикыз аҧарақәа ааимихит.
Ҩажәеи хәба ицақәоз аҧарақәа ҩбҕьыцк Хәымса ианига ашьҭахь, «иҭабуп» - ҳәа нареиҳәан, днарыдҵны дцарц
иҿынеихеит.
- Уаангыл, сымыш, уаангыл, умыццакын, суҳәоит, лҳәан, Хәымса илақәа дрыхҧшыло диазҵааит:
- Иухьӡузеи, уара, аҷкәын бзиа?
-Хәымса сыхьӡуп.
- Хәымса, уара ухьӡ иаҵанакуа сыздыруам, аха сара
даара исгәаҧхоит уи ахьӡ. Уи убас исзааигәоуп сара. Уи
аиҧш исзааигәоу акгьы ыҟаӡам. Ааи, ааи, исзааигәоуп. Уи
ахьӡ. Уара иудыруоу Иван аҧара рацәаны изуиҭаз? Мап,
уи уара иуздырӡуам. Уи сара иуасҳәоит, иуцәызӡаӡом.
Ҳара аҷкәын дҳаман, уара иуқәлаз. Уара Сериожа захьӡыз
даара уиеиҧшуп. Ҳаҷкәын аибшьраан ҳшеицыз, абомба
дашьит…
Убри аамҭазы, Марусиеи Ивани рыҧҳа Наташа
адәыҕба атамбур дықәгыланы, лани лаби, нас урҭ зацәажәоз Хәымсеи дрыхәаҧшуан. Марусиа лыҧҳа атамбур
дықәгыланы, дрыхәаҧшуашәа анылба, Наташа лахь лнапы аалҟьан, ҿаалҭит: «Ара бааи!».
- Наташа лан Марусиа ас анылҳәа, лан лҳәатәы хаҵаны,
лан ишылҳәаз еиҧш, адәыҕба атамбур дахьықәгылаз
дыллыбаан, лани лаби, Хәымса иацәажәо иахьгылаз,
ларгьы дааины, даарыдгылеит. Уи дааины дшаарыдгылаз еиҧш, Марусиа лыҧҳа лахь лхы налырхан, лыбжьы
акыр иаардуны ҿаалҭит:
- Наташа, абри аҷкәын ҽеишәа бихәаҧшны, дзеиҧшу
ҳабҳәозар? – лҳәан дҵааит Марусиа. Марусиа ишылҳәаз
еиҧш, Наташа Хәымса акыр данихәаҧш ашьҭахь, лыбжьы ааҭыганы ҿаалҭит:
– Сериожа. Сериожа иоуп дзеиҧшу. Сериожа ихы
аахҵәаны ихагылоуп… Наташа ахаан илымбацыз, аха
лани лаби иӡбахә зларҳәози, нас Сериожа ипатреҭқәа
илбахьази рыла, ибзианы илдыруаз лашьа Сериожа
дышиеиҧшыз, иаразнак ала иеилылкааит.
Наташа лани лаби дшынарҿаҧшыз еиҧш рылаҕырӡқәа
аауазшәа анылба, ларгьы лылаҕырӡқәа аҳәҳәыҳәа лыӡҕы
иқәланы рҿылархеит.
-Ари дубоу, Наташа лхаангьы, Сериожа дшылымбацызгьы ипатреҭқәа илбахьаз рыла дылдырит, - лҳәан
Марусиа, Иван днеиҿаҧшит. Иван иҵауланы даақәыҧсычҳан, Хәымса ижәҩахыр инапы нхишьын, ҿааиҭит:
- Хәымса, Ростовҟа уаагоит уҳаццозар, аҵара уҳарҵоит,
ууаҩаҳтәуеит. Наташеи уареи шәахьцалак, шәеицызаап,
иашьеи-иаҳәшьеи реиҧш. Угәы ишҧаанагои, уара?
- Мамоу, «диадиа». Сара шәара сызшәыццаӡом. Сара
сан сыда длымаӡам. Уи сара дсымбар, уаҳа дызбода? –
иҳәеит Хәымса Иван азҵаара ииҭаз аҭакс.
-Уаб, дыҟаӡами, дыҧсхьоума? – дҵааит Иван.
- Саб аибашьраҿ дыршьит, - аҭак ҟаиҵеит Хәымса,
илаҕырӡқәа игәы иқәыжжуа.
Хәымса иаб иӡбахә аниҳәа, илаҕырӡқәа игәы иқәыжжуа
зҿаазхаз, Иван ианиба, Хәымса даарыцҳашьаны, игәы
ааирҕәҕәарц ус иҳәеит:
- Хәымса, макьана уара иуздырӡуам, уаб дыршьу,
дрымшьу. Уи дааргьы шалшо удыруазааит. Имаҷҩу
џьушьома, «иҧсхьеит, иҟам» ззырҳәахьоу, аха рыҧсқәа
ҭаны, ргәы бзиа, рхы бзиа, рыҩныҟақәа рахь игьежьхьоу.
Урҭ реиҧш, разҟы бзиа иманы анцәа иҟаиҵааит, – иҳәахт
Иван Хәымса игәы ирҕәҕәарц.
- Уи дызлаауеи, дызлаҭахаз ала ашәҟәы ҳауит. Ростов
ааигәара џьара қыҭак аҿы дҭахеит. Уаҟа абаҟагьы гылоуп. Аешьаратә нышәынҭраҿы джуп, ихьӡи ижәлеи ануп
рҳәоит. Сдухар, сашьҭаларц сгәы иҭоуп, исзыҧшаауоу
сыздыруам, аха – иҳәеит Хәымса, Иван ииҳәаз ажәа
ацынхәрас.
- О, уара уаб дфыхаҵазаап, Хәымса. Ҳара ҳ – Ростов-
тәқәоуп. Ҳара уаб ихы ҳақәиҵазаап. Уи аешьратә нышәынҭраҿы анышә даманы ианыҟала, ҳәарада, абаҟаҿы
ихьӡи ижәлеи, иабхьӡи, ануп. Уи абаҟа ахьгылоу аҧшаара,
сара схы иадысҵоит. Уара иужәлоузеи, уабанхо?
- Сара с- Чрықьбоуп Шларҭаҧа сынхоит.. ақыҭа Шларҭаҧа, абра ҳахьгылоу аҭыҧ инаркны, хҧаҟа километра
роуп ибжьоу сара сахьынхо. Ара ҳахьгылоугьы Шларҭаҧа
ауп иахьаҵанакуа.
- Уаб ихьӡузеи?
- Саб Иуана ҳәа иарҳәон. Ашәҟәаҿы Иван ҳәа ианын,
иҳәан Иван изҵаара аҭак ҟаиҵеит Хәымса.
- Афырхаҵа, Хәымса. Саргьы Иван сыхьӡуп, сабгьы
Иван ихьӡын, исыжәлоуп Иванов Иван Иван – иҧа. Уан
пату лықәҵаны дбала. Ишысҳәаз еиҧш, уаб аешьратә
нышәынҭрак аҿы дыжны дыҟазар, уа ихьӡи ижәлеи,
иабхьӡи ҳәарада, ианылоит. Уи аҧшаара сара схы
иадысҵоит. Исҧшааны саныҟала, уара уҿы сааны, уаб
дахьжу уганы урбара сылсыршоит. Уҭыӡҭыԥ шсоуҳәаз
еиҧш, сблокнот ианысҵоит. Уи уҭыӡҭыԥ ала, уҧшаара
уадаҩхоит ҳәа сгәы иаанагом.
- Иҭабуп даараӡа, сара аҩны саннеилак, сан иласҳәоит
исашәҳәақәаз зегьы. Издыруада мышкы зны, ҳара ҳҿы
шәааины шәаныҟала,сани сареи гәахәала шәҳадаҳкылоит.
Асасцәа рзы, ауада ҷыда ҳамоуп, шәахьтәаша-шәахьиаша
шәыгҳажьуам. Ус иҟоу ҳара ҳамацара ҳакәӡам. Ус иҟоуп
аҧсуаа зегьы, - иҳәан дааҽхәеит Хәымса. Убри аамҭазы,
дара зҭаз адәыҕба иаҧылоз арҵәааҳәа иҳәҳәо, ибжьы
мацараха, ҩахьхьи, архәара иаавҵын, дара шыҟаз аҿынанахеит.
- Абни адәыҕба акәхап ҳзызҧшыз, ушьҭа ҳцозар
акәхап, иҳәеит Иван дахьгылаз.
- Ааи, абни адәыҕба ааины,ианылагылалак, ари,
шәара шәызҭоу, адәыҕба дәықәлоит., - иҳәеит Хәымса.
Наташа лыблақәа ҭраа Хәымса дихәаҧшуан. Лара илымбацыз лашьа Сериожа диеиҧшуп ахьырҳәаз, лашьа
гәакьа иеиҧш, дылҧхьаӡон, еснагь дихәаҧшлар лҭахын.
Ус иззыҧшыз адәыҕба ааины аҭыҧ аҿы илагылеит.
- Ушьҭа ҳара ҳцоит, абзиараз, Хәымса, - Марусиа
Хәымса ихы-иҿы неимда-ааимдо илгәӡит. Иван хаҵаҵас
хәымса инапы ааимихит. Наташа акыр дааҧхашьан, аха
лан ишыҟалҵаз еиҧш, ларгьы Хәымса ихы-иҿы неимдаааимда илыгәӡын, лани лаби ахьгылаз днеины, днарыдгылеит. Аиҭа «абзиараз» ҳәа Хәымса инаиарҳәан дара
зҭаз авагон иҭаларц рҿынархеит.
Убри аамҭазы, ҭакәажәык, Хәымса иидыруаз ашәҭ
шьыҵәрақәа лгәыдыҳәҳәала, дааиуан. Ари Хәымса димдыруази, ашәҭ шьыҵәрақәак аалымихын, авагон иҭалахьаз Наташа лзы инаирххеит. Усҟан авагон иҩаҿагылаз
Иван инапы наигӡан, ашәҭ шьыҵәра ааимхны, Наташа
иналиркит. Наташа дгәырҕьаҵәа лаб ашәҭ шьыҵәра
шааимылхыз еиҧш, дагәӡуеит уҳәаратәы лқьышә
инықәылкын, днафҩит. Нас дыччо, авгон ахышә аҿы
днеин, Хәымса ишҟа дыҧшуа, лылаҧш иҟәымгаӡакәа
дихәаҧшуа лнапы лҟьон.
Хәымса дахьгылаз, Наташа лнапы лҟьошәа аниба,
иаргьы инапы иҟьеит.
Ус адәыҕба абжьы аагеит. Апасажырцәа зегьы рвагонқәа инырҭалеит. Авагонмҩаҧгаҩцәа рбираҟ ҩежьқәа
кны, авагонқәа рышәқәа инылагылеит. Авагонқәа
неинҟьа-аинҟьо, зны шьҭахьҟа ицо, нас ҧхьаҟа ицо,
агәгәа ахга, еиха-еигәо, аҿынанахеит. Инапы иҟьон
Хәымса дахьгылаз. Даргьы рнапқәа рҟьон авагон ахышә
икылырҳәҳәаны, Ивани Марусиеи анапҟьара ианаҟәыҵгьы, Наташеи Хәымсеи рнапқәа рҟьон. Адәыҕба
арласыга иацҵо ицон.
Ус адәыҕба архәара инавалеит. Уи нахыс иара шырымбоз еиҧш, абжьгьы рмаҳауа инкабеит. Хәымса
акраамҭа аперрон дықәгыланы, адәыҕба злацаз ахь дыҧшуа дгылан.
а тәи ахы
Хәымса ашәҭ змихыз аҭакәажә

лҩызцәа дахьры-
лагылаз аагәеиҭан, днеины ашәҭ шьыҵәрақәа илымихыз рыхә налиҭеит. Аҭакәажә ашәҭ шьыҵәрақәа Хәымса
илымихқәаз рыхә имсхуам ҳәа далагеит, аха иара имуит.
Мчыла лџьаба иҭеиҵеит. Хәымса ашәҭ шьыҵәрақәа рыхә
аҧарақәа аҭакәажә ианлиҭагьы, игәы иҭахәхәа иҭаз Ивани, Марусиеи, Наташеи ракәын, урҭ дрызхәыцуан.
Хәымса макьана аперрон дшықәгылац дықәгылан,
иқьаад ҧарақәа иауз инапы ианыџьгәаланы икны. Иара
дзықәшәаз илакәу илабҿабазу макьана цқьа изеилымкаацызт. Урҭ ракәын Хәымса дзызхәыцуаз уажәы.
Ус мчыла Хәымса ихәыцра даалҵит. Иведра аӡы иҭаз,
ахы ларханы инкеиҭәан, иаҵәца иведра инҭеиҵан,
аҩныҟа дцарц ааиӡбан, дзынгылаз аихамҩа ишьапы
нхиган иҿынеихеит. Хәымса жәабаҟа метра днеихьан
амҩахәасҭа даныланы.
Убри аамҭазы, хҩык ақырҭуа ҷкәынцәа иара иаҵкьыс
акыр инеиҳақәаз ааидгылеит. Нас арҭ аҷкәынцәа, уаанӡа
дара ишеибырҳәахьаз еиҧш, Хәымса иарҕьарахьгьы
иармарахьгьы аӡәаӡәа наивагылеит. Ахҩыктәи иаҧхьа
дааины дааиҿагылеит. Аха иара урҭ рыгәхьаа мкӡакәа
иаҧхьа иааины иҿагылаз днигәыҵасын, дышцац еиҧш,
иаҧхьаҟа иҿынеихеит. Аха акыр даннеи, уаҳа дрымшьҭыкәа, наҟ-ааҟ ивагылақәаз дааныркылеит Хәымса.
- Ишәҭахузеи, сара аҩныҟа сцоит сзышәмышьҭуазеи?
Соушәыжь уажәыҵәҟьа! – иҳәеит Хәымса, ажәҩан кылнаҵәап уҳәаратәы ибжьы ҩхацаланы.
- Уихәаҧши, уара ибжьы ихацаланы, иҽшыҟаиҵа ибжь
ду ала ҳиршәарцгьы игәы иҭазаап, - иҳәеит аурыс ҧшра
змаз ақырҭуа хышшәа иҟаз. Хәымса икьаҿ ахәдагьы
ҩыҵархха иааникылеит.
- Соужь, уажәыҵәҟьа! – иҳәан Хәымса икьаҿ ахәда
зкыз инапы дласын, иааимжәаны, дынигәҭасны, наҟ
абна шыҟаз ала дынцәыҵаирххит, аха иҽкамыжькәа,
иҽааникылеит. Хәымса имҩа, афыр-фырҳәа даныланы
иҿынеихеит, аха дрымшьҭыкәа ивагылақәаз, иаҧхьаҟа
иниаҧысын, дааныркылеит.
Соушәыжә, - иҳәахт Хәымса, урҭгьы дныргәыҵасны,
рыгәхьаа мкӡакәа.
-Уауҳажьуам, иҟауҵо ҳамбари, - рҳәеит аҷкәынцәа.
-Сызхшәырҟьои, ишәзызу, цәгьарас? – дҵааит
Хәымса.
- Ҳаиҳабы уигәыҵасны дызцәыҵаурххи?
- Уи уажәоуп. Ус анихь, уаанӡа саҧхьа шәааины сымҩа
зышәкзеи?
-Аӡы зуҭиуазеи? Уара ухарала, ҳара аӡы ҳзыҭиӡуам.
- Аӡы сҭир, иҟалои, шәаигӡома, аӡы?
-Уара аҧҳәаса ҭила, аҧҳәаса умоуп. Уи ҳара иҳамаӡам.
Уҧҳәаса ануҭилак ашьҭахь аӡы уҭиуеит. Ус иҟалаӡом.
Ҳара иуаҳҳәаз уумырҳакәа, даҽазны аӡы уҭиуаны, уаабар, уаҳпҟоит.
- Ус акыр шәылшозар, шәааи, аӡәаӡәала, - иҳәан ижәҩақәа ахьыркыз, иаарымижәан, наҟ-ааҟ дныргәыҵасын,
аиҭа аҩныҟа дцарц имҩа даныланы иҿынеихеит.
- Шәара зны шәаангыли, уи сара исырбап, - иҳәан
раҧхьа инцәыҵаирххыз Хәымса дыҩихьӡан, инапы кны,
даақәыргьежьны диҿасит.
- Ус аума? – иҳәан, Хәымса иҿасыз дынидыххылан, наҟааҟ, имаҟахы инапқәа нҭарсны, нас дыруааӡа диршәын,
ахаҳәрддыра длылаижьит. Ахаҳәрддыра дахьылаижьыз,
мыҕраны иҟан. Амыҕра дылхәыҵашьшьы дцеит. Деихаеигәо, амыҕра дахьылажьыз, алҵра даҿын, ақырҭуа
ҿиқәаҵәаа. Уи амыҕра алҵра дахьаҿызгьы, дыҳәҳәон,
«доушәмыжьын» ҳәа. Урҭ Хәымса дааныркылт, аха иара
иҽриҭомызт. Аиқәҧара иалагеит. Аӡәы иаҧхьала дикит, егьи – иашьҭахь ала. Хәымса деимдырххоит, арҭ
рҩыџьагьы.
Убри аамҭазы, ақырҭуа ҿиқәаҵәаа, ахахә ҵар кны дааин, ишимчыз ала Хәымса ихы дасит. Хәымса дызкыз,
дыхьшьшьы, иҧсы маҷханы, дылрымпыҵаҳаит. Дара
шәаны «џьоукы ҳарбаанӡа ҳаҩп», – рҳәан рыхҩыкгьы
хара-бҕьара, иҩны, рыхқәа ахьынахоз рҿынархеит.
Уи аамҭазы, иҟалаз баны дааиуан Витиа захьӡыз урыс
ҷкәынак. Уи, акыр, дара раҵкьыс қәрала деиҳан, қәрала
адагьы, еиҳа ҧсабарала амч ду иланы дыҟан. Иҩны
ицоз Витиа рықәҿиҭит иаангыларц, мамзар, еицәоу
ишақәиршәо реиҳәеит имӡакәа. Арҭ аҷкәынцәа Витиа
ибзианы дырдыруан, ииҳәоз шынеигӡоз имҩашьо агәра
ргон аҟнытә, иҩны дара ахьнеиуаз, рҽааныркылт.
- Уа шәгыланы акәым, ирласны саҧхьа шәааи, - иҳәан
дынрыҵаҳәҳәеит. Витиа ишиҳәаз еиҧш, рыхҩыкгьы
шеицыз, иаҧхьа иааины иаангылеит. Убасҟан, Хәымса
деихо агылара даҿын. Витиа днеин, Хәымса ижәҩа аанкыланы, дицхрааны, дҩаиргылеит.
- Ушьҭа унеины, знык-знык урҿас сара азин усҭоит.
- Мап, сара ус сзырҿасуам. Амала, ус рымч иақәгәыҕуазар, аӡәаӡәала срақәҧоит, ма аӡәаӡәала среисуеит.
Хәымса дызпҟаз рҿасра мап ахьацәикыз, Витиа игәы
инанамгеит. Акы рзиур ҳәа дшәеит. Хәымса иҟазшьа
бзианы идыруан Витиа. Хәымса дахьхәыз ашьа ҕәҕәаны
идәықәлеит, иҧсы ааилахәеит. Ари Витиа ианиба ус
иҳәеит:
- Ари аус аилыргара даҽа ҽнакахь ииаҳгап. Уажәы,
амедпункт ахь уаагароуп. Шәнеины ижәҩа шәкы…
Аҷкәынцәа неин, Хәымса ижәҩа ааныркылеит.
- Дкашәмыжькәа, дырҕәҕәаны, ижәҩақәа кны, дшәыманы шәаала амедиаҳәшьа лахь, – иҳәан Витиа раҧхьа
днагыланы иҿынеихеит, егьырҭ ҩыџьа Хәымса ижәҩа
кны, Витиа инаишьҭалеит. Ахҧатәигьы дхьаа-хьаауа,
урҭ дрышьҭаланы днеиуан. Ус инеит амедпункт аҿы.
- Иҟалазеи, ашьа даганы, уажә акәымзи ара дангылаз, – дныҩныҵәааит амедпункт аиҳабы Клара, Хәымса
данынеиҿаҧш. «Унан, игәы сышьҭуама, исҳәақәа закәи»
- ҳәа лгәы иааҭалкит Клара. Нас лҽаалыҧсахын, Хәымса
игәы ҟазҵашаз, ажәа ҟәымшәышәқәа рыла диацәажәо
дналагеит:
«Уамакгьы амыхьӡеит, ацәоуп иҧҟоу. Умшәан,
уажәыҵәҟьа сара исырбзиоит. Ирыцқьаны иҿасҳәоит,
ушыбзиахо убап». Абас Клара Хәымса дышиацәажәоз,
ишахәҭаз ирыцқьаны, спирҭла иҿыӡәӡәааны, аиод ахьшьны иҿалҳәеит. Аха раҧхьатәи ацхыраара ҳәа иҟалҵаз
азырханы, «аҩныҟа уца, ушьҭа иара ахала ибзиахоит», –
ҳәа иаҳәаны даулмыжьит. Хәымса амед-пункт ахь дназгаз аҷкәынцәа ирабжьалгеит ахәышәтәырҭахь дганы,
аҧҟаҩы дидырбарц. Амедпункт ианындәылҵ, Витиа
даацәажәан:
«Хәымса ахәышәтәырҭахь сара дызгоит. Уажәы, шәара
шәыҩныҟақәа рахь шәца, нас ҳаибабап».
Витиа ииҳәаз ажәак ахымҳәааӡакәа, Хәымса дызпҟақәаз рыхҩыкгьы рыҩныҟақәа иқәланы ицеит, рабацәа
ҧсит ҳәа раҳазшәа еиқәышьшьы. Избанзар, урҭ рцәа
иалашәеит, Витиа ҕәҕәала ишахьирхәуаз. Аха дара Витиа иҿаҧхьа мчы ҳәа акгьы рымамызт. Уи азоуп дара
еиқәышьшьы рыҩныҟақәа рахь ишцозгьы. Витиа данынаҧш, машьына ласык аихамҩа уахьыллыбаауа, ишгылаз ибеит. Уахь дыҩны иҿынеихеит Витиа. Уи дышнеиуаз, амашьына ахьгылаз, днадыххылеит. Амашьына зтәыз
уа дҭатәан.
- Ачымазаҩ ҕәҕәа дсымоуп, усыцхраа ухаҵазар, иҳәеит Витиа амашьына дышнадгылаз еиҧш.
- Ҳәарас иаҭахәузеи, суцхраауеит исылшо аказы, схы
сеигӡом, ирласны учымазаҩ дааг, - иҳәеит амашьына
иҭатәаз.
- Иҭабуп, мап ахьумҳәаз, - иҳәан Витиа даагьежьын,
Хәымса аперрон дахьықәгылаз днеин, ижәҩа кны дыллыбааиган, днаганы, амашьына дынҭаиртәеит, иаргьы
днаиватәеит. Амашьына ныҟәцаҩ имашьына аус ааирун,
ақалақь ахь ихы рханы иҿылеихеит. Ианакәызаалак,
ари ахаҵа амашьына арццакыга рдуны иаҭаны дныҟәаӡомызт. Ихы пату ақәҵаны ашьшьыҳәа акәын дышцалоз. Аха, уажәы, ус акәым, имашьына арццакыга акыр
иацҵаны, акәын дышцоз. Иаарласны илеит ақалақь
хәшәтәырҭаҿы. Адкыларҭа ахьыҟаз актәи аихагылаҿы
акәын.
Иаргьы амардуан аҧхьаҵәҟьа даангылеит. Хәымса
ижәҩа кны, Витиа амашьына дааҭыҵын, ахәышәтәырҭахь
диманы иҿынеихеит. Амардуан иахьыҩыхәназ ахәышәтәырҭа ашә ҟьаҟьаӡа иаартны иҟан, ишиашаз уахь
илыҩналеит. Иахьылыҩналаҵәҟьаз акәын ачымазцәа
рыдкыларҭа ахьыҟаз. Витиа ашә днагәҭасын, иааиртит,
ашә ихы нылеикын:
– Слеир ҟалоума? Ачымазаҩ ҕәҕәа дсымоуп.
– Ааи, иҟалоит, ишҧаҟамло, ирласны даажәг.
Витиа даахьаҳәын, игаз-ҽазуа иашьҭахь игылаз
Хәымса ижәҩа аанкыланы, адкыларҭа дныҩнашылеит.
Аҳақьым Хәымса дихәаҧшит. Ихы ахьҿаҳәаз иҧыртны,
еиҭа ирыцқьаны, спирҭла иҿыӡәӡәааны, иҿеиҳәеит. Нас
Витиа дниҿаҧшын, аҳақьым даацәажәеит:
- Ари аҩныҟа дсызуҭом. Хәымҧада, ахәышәтәырҭаҿы
дышьҭаҵатәуп, аҧынтәылагьы диҭахуп.
-Ахәышәтәырҭаҿы дышьҭаҵатәызар, сара мап
шәҧацәыскуеи? Аҧынтәыла изгьы, сара аӡәгьы сишьҭалом, сара сыҟоуп.
- Ус акәзар, ибзиоуп, - иҳәан аҳақьым бҕьыц хәыҷык
иҩын, Витиа инеииркит, нас инациҵеит:
- Думаны ухала аҩбатәи аихагылахь.
- Ибзиоуп, - иҳәан Витиа Хәымса ижәҩа кны, аҩбатәи
аихагылахь диманы иҿынеихеит. Витиа Хәымса ижәҩа
кны дмыццакӡакәа амардуан дҩаҿалеит. Ирулак, џьабаала, иҩыхәнеит аҩбатәи аихагыла. Абарҵа ибжьаланы
ишлеиуаз, инеи-ааиқәоз ачымазцәа ахьтәалоз, иҭацәыз
аскамқәа рацәаны игылан.
- Уааины ара утәа. Сара апалатаҿы ушьҭазҵо дсыҧшаауеит, - иҳәан Хәымса днаганы, скамк аҿы днаиртәан,
иара дидҵны иҿынеихеит Витиа. Витиа Хәымса данынидҵ, хара дымцакәа, амедеҳәшьцәа рҭыҧ днадгылеит.
Ашә днас-насын, «да» ҳәа аҩнуҵаҟантә абжьы анаага,
дныҩналеит.
-Ачымазаҩ даазгеит, дышьҭаҵатәуп, - иҳәеит Витиа.
- Дышьҭаҵатәызар, дышьҭаҳамҵои, – лҳәан, дахьтәаз
дҩагылеит, уа итәаз аҧҳәыс.
- Учымазаҩ уааидтәал, сара зегьы еиҿыскаауеит, –
лҳәан Витиа диҧырҵны лҿыналхеит аҧҳәыс. Витиа днеин, Хәымса иаҧхьа иҭацәны игылаз асқам днықәтәеит.
– Амедиаҳәшьа иласҳәеит иаарласны зегьы еиқәлыршәоит, - иҳәеит Витиа дшылатәаз, Хәымса иахь ихы
рханы.
- Сан илаҳәамзар акәын, аха илмаҳар еиҳагьы хьаас
сылкуеит. «Сыҷкәын дабацеи?» - ҳәа ма дсышьҭалоит, иҳәеит Хәымса иҭахӡамкәа.
- Уи аҳәара сара исылшоит. Абра, аҳақьымцәа рҭыҧ
аҿы аҭел ыҟоуп. Уара уанышьҭарҵалак, снеины аҭел сасуеит, - иҳәеит Витиа.
- Аҭел уас сукәыхшоуп, агәхьаа уасыргоит, аха…
- Акы уацәымшәан, убзиахоит. Уара убзиахаанӡа
сара судтәалоит, - иҳәан Витиа Хәымса игәы ааҟеиҵеит.
Хәымса дахьышьҭарҵо,апалата макьана ирымҧшаацт
ҳәа акәын Витиа дшыҟаз, аха амедиаҳәшьа дааины, даарыдгылеит.
- Иҭыҧ хиоуп, шәсышьҭаланы шәаала, – лҳәан
дааҳәны, лҿыналхеит. Витиа уамашәа ибеит, ас ирласны ишьҭаҵарҭа шҧеиқәлыршәеи ҳәа. Нас Витиа
Хәымса ишҟа даахьаҳәын, «уаала», - иҳәан дҩагылеит.
Хәымсагьы ижәҩа кны дҩаиргылеит Витиа. Хәымса
ижәҩа Витиа ишикыз, иаҧхьа дыргыланы, амедиаҳәшьа
дахьыҩналаз, уи илышьҭаланы даргьы лыҩналеит. Урҭ
уа ишыныҩналаз еиҧш, апалата лаҧшыла иааимидеит.
Хабалак, ицқьакәакәараӡа иҟан.
- Абра уиа, аҳақьымгьы, уажәы, дааиуеит,- лҳәеит
амедиаҳәшьа, нас лара дындәылҵны дцеит. Витиа
Хәымса дааилихын пату иқәҵаны, ашьшьыҳәа, ииарҭаҿы днаганы днаириеит. Нас «уажә сааиуеит», - иҳәан
дындәылҵит. Дышиашаз дныҩналеит аҳақьымцәа
рҭыҧ.
- Саҭамзааит, аха азин сышәҭозар, аҭел сасыр сҭахын,
- иҳәеит Витиа, итәаз аҳақьым ихы наиқәкны.
- Азин умоуп, - иҳәеит аҳақьым, ихы шьҭацаланы
ақьаад, аҩра дызҿыз даҟәымҵӡакәа. Витиа аҭел аашьҭихын, аномерқәа лҭеиҧсеит.
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аамҭа цәгьақәа раан. - 02
  • Части
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 01
    Общее количество слов 3616
    Общее количество уникальных слов составляет 1944
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 02
    Общее количество слов 3620
    Общее количество уникальных слов составляет 1841
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 03
    Общее количество слов 3607
    Общее количество уникальных слов составляет 1900
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 04
    Общее количество слов 3647
    Общее количество уникальных слов составляет 1960
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 05
    Общее количество слов 3601
    Общее количество уникальных слов составляет 2010
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 06
    Общее количество слов 3561
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 07
    Общее количество слов 3536
    Общее количество уникальных слов составляет 1919
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 08
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 1837
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 09
    Общее количество слов 3531
    Общее количество уникальных слов составляет 1792
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 10
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1927
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 11
    Общее количество слов 3529
    Общее количество уникальных слов составляет 1942
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 12
    Общее количество слов 3495
    Общее количество уникальных слов составляет 2029
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 13
    Общее количество слов 3468
    Общее количество уникальных слов составляет 1764
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 14
    Общее количество слов 3469
    Общее количество уникальных слов составляет 1874
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 15
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1817
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 16
    Общее количество слов 3505
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 17
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 18
    Общее количество слов 3513
    Общее количество уникальных слов составляет 1846
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 19
    Общее количество слов 3596
    Общее количество уникальных слов составляет 2039
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 20
    Общее количество слов 3470
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 21
    Общее количество слов 3462
    Общее количество уникальных слов составляет 2017
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 22
    Общее количество слов 3535
    Общее количество уникальных слов составляет 1917
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 23
    Общее количество слов 3504
    Общее количество уникальных слов составляет 1870
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 24
    Общее количество слов 3559
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 25
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1892
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 26
    Общее количество слов 3502
    Общее количество уникальных слов составляет 1894
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 27
    Общее количество слов 3585
    Общее количество уникальных слов составляет 1881
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 28
    Общее количество слов 3579
    Общее количество уникальных слов составляет 1970
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 29
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1902
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 30
    Общее количество слов 3619
    Общее количество уникальных слов составляет 1863
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 31
    Общее количество слов 3527
    Общее количество уникальных слов составляет 1924
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 32
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 33
    Общее количество слов 3523
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 34
    Общее количество слов 3477
    Общее количество уникальных слов составляет 1923
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 35
    Общее количество слов 3533
    Общее количество уникальных слов составляет 1780
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 36
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 1920
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 37
    Общее количество слов 3453
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 38
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 2051
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 39
    Общее количество слов 3456
    Общее количество уникальных слов составляет 2056
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 40
    Общее количество слов 3480
    Общее количество уникальных слов составляет 1999
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 41
    Общее количество слов 3545
    Общее количество уникальных слов составляет 1986
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 42
    Общее количество слов 3551
    Общее количество уникальных слов составляет 2061
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 43
    Общее количество слов 3528
    Общее количество уникальных слов составляет 1968
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 44
    Общее количество слов 3268
    Общее количество уникальных слов составляет 1833