Latin

Аамҭа цәгьақәа раан. - 36

Общее количество слов 3455
Общее количество уникальных слов составляет 1920
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
«Иахьсарымҳәо снеиуама»? – иҳәеит Алхас Марҭа дгәаар
ҳәа дацәшәаны, уаҳа имҳәеит. Ҧыҭк анааҵ:
– Ааи, исеиҳәеит, даара сгәы иаахәеит Зурик аинститут
дахьҭалаз.
Умшәан, уаргьы уҭалоит, Алхас. Сара уара улымкаа
сахьҭалаз, схы ахызбаауеит…
– Сара бара бахьҭалаз, сеигәырҕьоит. Сара сахьзымҭалаз, хьаасгьы исымам ҩышықәса рышьҭахь сҭалоит.
Уаанӡа маҷк акәзаргьы сыҩны-сгәара снаха-аахауеит.
Сара ахьаа ансоуаз, ҳҩыџьагьы ҳзымҭалар акәын. Марҭа
ушьҭа бҩызцәа рахь бца. Арҭ асасцәа уаҵәашьҭахь ицоит.
Урҭ анцо, инаскьабгозар акәхап, саргьы уа сҟалоит.
Ҽеишәа ҳаицәажәар сҭахуп.
– Азамана.
Абри аҟара анеибырҳәа, Марҭа Алхас днеиҧырҵын,
уаанӡа дзыдтәалаз рахь дцеит.
– Алхас даара дыҷкәына бзиоуп. Дызбацыҧхьаӡа еиҳа
дысгәаҧхоит, уаанӡа дызласзымдыруаз абзиарақәа акыр
цәыригоит, – лҳәеит Ҭина.
Марҭа Алхас дааидҵны лара дахьтәаз дааигәаны
данаалыдтәала:
– Ааи, дыбзиоуп. Сара Литвантәи санаабга, адиректор
раҧхьа иара сынидиртәалеит. Иаргьы саргьы партак
ҳшеицахатәаз ашкол ҳалгеит иарбазнаалак, џьара ажәа
хәахәак сеимҳәаӡеит. Сара сакәым, џьоукы-џьоукы
аҷкәынцәа реиҧш, дыӡҕабума, дыҷкәыноума, аӡәы игәы
нирхеит ҳәа смаҳацт. Амала, дызрыцҳасшьо аинститут
дахьызҭамлаз ауп. Аҧышәарақәа зегьы «ҧшьба» –
«ҧшьба» ҳәа иҭиит, аха конкурсла дзымцеит, – рҳәеит.
«Уи агәхьаа скым, ҩышықәса аколнхараҿы аус зур, ма
арра сыҟаны сааир, сҭалап”, – иҳәеит. Ус иагьыҟаиҵоит
иара дызлагаз аус, алгара бзиа ибоит, – лҳәеит Марҭа.
Марҭа Алхас иҵегь длырҽхәашан, аха бзиа дшылбо,
лаҳәшьаду илыҵылдыраар ҳәа дшәон, лҽаанылкылеит.
– Игәахәтәы дахьӡааит, – лҳәеит Ҭина аҵыхәтәан, нас
дзыдтәалақәаз акы ргәы иаанагар ҳәа дшәан, дааҳәын,
дара рацәажәара дналагеит. Марҭа урҭ дырзыӡырҩуа
дтәан, нас Дариеи, Дашеи, Машеи рахь лхы налырхан,
дара Москваҟа ианцо, иеилылкаарц даацәажәан:
– Шәара Москваҟа шәанбацои?
– Уаҵәашьҭахь ҳцоит.
– Даҽа маҷк шәаангылар ҟамлаӡои?
– Мамоу, Марҭа, уажәы аангылашьа ҳамаӡам. Сынтәатәиала арахь ҧсшьара ҳәа уаҳа ҳзымааргьы ҟалап,
ишыббо еиҧш, Маша
аинститут дҭалеит, баргьы
аучилишье бҭалеит. Актәи акурс инаркны, шәырҵаҩцәа
ибзиаӡаны шәхы дшәырбароуп. Ибзиаӡаны аҵара
шәҵарц азы ирацәаны ашәҟәқәа шәрыҧхьароуп. Аҧышәарақәа бзианы ишәҭиит, аха шәахькәадақәоугьы
ыҟами. Урҭ шәара шәаҟара издыруада? Ус анакәха,
шәара шәахькәадақәоу ҽеишәа иааилкааны, ибзианы,
ишәҵароуп. Аҳақьым изанааҭ ус имариаӡам. Зегьы
нҭырҷҷааны, ибзианы, ижәдыруазароуп. Ус анакәымха,
шәнапы иану ауаҩы иҧсҭазаара шәарҭахоит. Ари аҭак
ааҟалҵеит Марҭа дыхәмаршәа.
– Аҳақьым иус цәгьоушәа балацәажәоит, аха усҵәҟьа
ицәгьаӡам, егьырҭ азанааҭқәа раҵкьыс еиҳагьы иахьымариоу ыҟоуп.
– Ишҧацәгьам аҳақьым иус. Аҳақьым агха ихьыр
ҟалома? Аҳақьым агха анихь…
– Асахьаҭыхҩы иуси аҳақьым иуси узеидкылом.
– Еиҳа ицәгьеи?
– Асахьаҭыхҩы иус.
– Мап, аҳақьым иус еиҳа имариоуп. Уи зырҵабыргуа,
аиумор шәасҳәап шәҭахызар.
– Иҳаҳәеи нас, уи аиумор ҳәа бызҿу. Марҭа илзыӡырҩуа
иаатәеит. Марҭа ус ацәажәара дналагеит:
– Дыҟан иеицырдыруаз сахьаҭыхҩы бзиак. Иқәра акыр
ианнеи, асахьаҭыхра даҟәыҵын, аҳақьымрахь диасит.
– Ус зыҟауҵазеи, ҳәа уи иҩызак данизҵаа, иара абас
аҭак ҟаиҵеит:
– Асахьаҭыхра даара иуадаҩу занааҭуп. Гхак ухьыр,
зегьы ирбарҭоуп. Уаҳаҭыр ланарҟәыр алшоит. Аҳақьымра
иаҳа имариоуп. Уа агха ухьыр, аӡәгьы ибаӡом, адгьыл
ихнаҩоит.
– Аиаша бҳәеит, аиаша, – рҳәан итәақәаз зегьы
ааибарччеит, Ҭина лыда. Ҭина дымччаӡеит. Уи Марҭа лзы
лгәы нханы даацәажәеит:
–Усҵәҟьа бгәы иаанагозар, бызҭалаз бҵара баша
бҭалеит. Ибҭахымзар, бҭыҵыргьы былшоит. Убас иҟоу
аҳақьымцәа роуп, амаҷ азы ачымазаҩ дызцәыҧсуа.
Марҭа илҳәаз аалцәымыҕхан, дыҧсыр еиҳа
илзеиҕьызшәа лхы аалыҧхьаӡан:
– Ари иуморуп, сара уи бзиоуп сҳәама? – лҳәан лхы
налганы даацәажәеит.
– Аиумор, иуморуп, аха уи еиҧш иҟоу аиумор,
амедицина аусзуҩы иҳәар иашам. Даара иҧхашьароуп,
уи еиҧш иҟоу, аиумор зҳәаз изы. Аиумор аҳәашьа
удыруазароуп. Уи аҳәашьа анузымдыр, иахьакәым умҩахҟьар алшоит, – лҳәеит Ҭина. Марҭа инацылҵеит:
– Саҳәшьаду, саҭамзааит, џьаракыр агха сыхьзар, бара
биашоуп, амедицина аусуҩы ишихәҭамыз сцәажәеит,
– лҳәан даччан, лаҳәшьаду даагәыдылкылеит. Арҭ
араҟа иеицәажәо иштәаз аамҭа акыр цеит. Амаҵуцәа
ықәгьежьаауа, амаҵ аура иаҿын. Ашьаҧа аҩнуҵаҟа
зегьы дырхиеит. Ари ачара хәыҷы аҿы иҟан нхаралагьы
аҧшәма изааигәаҵәҟьақәоу игәылацәеи, Зурик иҩызцәеи, уаҳа аӡәгьы иаҳәамызт, иҵегь инеиҵыхны ауаа
раҳәара аҧсангьы иҟамызт.
Ақәчага аишәақәа андырхиа, фатәи-жәтәи анықәдыргыла, еиҳабык, ана-ара, гәыҧ-гәыҧла, игыланы иеицәажәақәоз, даарылагылан ибжьы нарықәиргеит:
– Ишыжәбо еиҧш, зегьы мазеиуп, анапыӡәӡәарахь
шәнеи, аамҭа мгакәа, шәхаҵкы сцеит.
Аведра азна аӡы ҟаҵаны, зымпахьшьы знапы
иахаршәны, агәыгәым кны игылаз, аҭыҧҳа лахь
еиҳабык иҿынеихеит. Уи ишьҭарххны, еиҳабы–
еиҵбыла иеизыҧшны, зегьы уахь инеихеит. Ҭина
илыдтәалақәази лареи, хазы лымкаала, урысшәала
иреиҳәеит анапыӡәӡәарахь инеирц. Урҭгьы ҩагылан,
уахь рҿынархеит. Знапқәа зыӡәӡәаз зегьы атәара иаҿын.
Амаҵ зуаз џьоукы рыда итәеит зегьы. Ҭина лҩызцәеи
лареи ахьтәаз, «ҳасасцәа гәакьақәа» – иҳәан лымкаала
аҧшәма пату рықәиҵеит. Урҭ иналкааны амаҵуцәа
рымаҵ руан. Ҩба-ҩба, хҧа-хҧа ҵәыца анырк ашьҭахь,
ашьаҧа иааҵыҩит аркәашага ашәа. Раҧхьа даақәлеит
Зурик, нас рҽеиҭныҧсахло аҳәсахәыҷқәа ивагьежьуа
икәашон. Лыҽлызнымкылеит Маша. Зурик дивагьежьуа
даақәлеит. Алхас Зурики Машеи даарыбжьаҧалан, Маша
лыцкәашара дналагеит. Зурик аҧхӡы иҿашы, иҩызцәа
ахьгылаз днарылагылеит. Алхаси Машеи шеицыкәашоз
«ари дысцәылгара дыҟоуп» ҳәа лгәы иааҭашәазшәа
Марҭа дҧырны икәашоз дынрыбжьаҧалан, акәашара
дналагеит. Машагьы, днеины лҭыҧ аҿы днатәеит. Алхаси
Марҭеи акраамҭа иеицыкәашон, нас лыжәҩа аанкыланы,
дахьгылаз аҭыҧ аҿы днеиган, даагьежьит. Иаргьы
днеины иҭыҧ аҿы днатәеит.Абас шәаҳәарала, кәашарала,
қьафурала, ирхыргеит ари ачара. Ҭина лҩызцәеи лареи
ангыла, инеилышәшәа-ааилышәшәо, агылара иналагеит
аӡәырҩы. Дариараа анцоз аҧшәма иҭабуп ҳәа наиаҳәаны,
агәара инықәҵит. Дара адырҩаҽны ианыҩагыла, агәара
инҭыҵит. Шьыбжьонынӡа амшын аҟәарахьы иҟан,
уа рыҧсы ршьон. Ашьыбжьон лхыҳәҳәоны еиҧш,
игьежьны аҩны иааит. Дук мырҵыкәа, Зурик Ҭина лҿы
дааит, аҩныҟа игарц. Дара мап ркит, аха имукәа игеит.
Адырҩаҽны, еиҳагьы иеизааигәаны иеибадырит Зурик
иҭаацәеи, Маша лҭаацәеи Машеи. Уи лани, лан лаҳәшьеи
анцоз, аҧсшәақәа еибырҳәеит. Аҧшәмацәа асацәа
ирарҳәеит аҧхынра ҧсшьара ирзаарц. Даргьы ирҳәеит
Москваҟа – инеирц. Абас ргәы алаҟа, рхы алаҟа, асасцәеи
аҧшәмацәеи ааидыҵит.
Адырҩаҽны, шьыжьымҭан, адәыҕба аангыларҭа
авокзал аҿы дгылан Алхас. Уи дырзыҧшын Машеи, лани,
лан лаҳәшьеи, Зурики Марҭеи. Митәык аҧшра иқәымшәеит Алхас. Иааит дыззыҧшыз зегьы. Зурик аблеҭқәа
ааихәараз, акассахь иҿынеихеит. Убасҟан, Алхас ибжьы
наиқәиргеит.
– Зурик, аблеҭқәа рзы акәзар, узцо, сара иамсххьеит,
арахь угьежьы. Алхас ас аниҳәа, Зурик даагьежьит.
Аелектричка ааиаанӡа, арҭ иеицәажәо аперрон иқәгылан.
Ус аелектричка ааин, раҧхьа иаангылт, иҩыхәнеит иеицыз зегьы. Аелектричка атәарҭақәа рыбжьара ибжьаланы
инеиуан.
Ус ишнеиуаз, ирацәаны аҭыҧқәа ахьҭацәыз рҭыҧқәа аанкыланы илатәеит Дариеи Дашеи. Наҟ-ааҟ,
урҭ инарыдтәалеит Машеи Марҭеи. Аҵыхәтәан, рсумкақәа кны, рҩызцәа ахьтәаз, иаарыдгылеит Зурики
Алхаси. Асумкақәа иркқәаз, хыхь авагон, еихатәыла
иадҟаҵалаз ақәҵарҭақәа рҿы инықәырҵан, урҭ рыҵаҟа
иҭацәқәаз аҭыҧқәа рҿы дара натәеит. Аелектричка урҭ
ирзыҧшызшәа, зны, иҭагә-ҭасуашәа аун, нас ашьшьыҳәа
абжьы аарганы инаҵысит. Уи цон инҭгыла-ааҭгыло,
адәыҕбақәа реиҧш иццакуамызт. Аха апасаџьырцәа ргәы
ҿыҕьуамызт, аҷҷаҳәа иеицәажәо итәан. Ус илеит Адлер.
Аелектричка ианҭалоз еиҧш, ианлыбаауазгьы, еиҳабыеиҵбыла, иеизыҧшны илыбаауан. Аҵыхәтәан иллыбааит
Зурики Алхаси, рсумкақәа кны. Урҭ аныллыбаа, рҩызцәа
рзыҧшны иахьгылаз, инадыргылеит. Минуҭқәак ара
игылан иеицәажәо, нас аеропорт ахь ицоз, автобусқәа
ахьаангыло ахь рҿынархеит. Автобус ақәҵымҭа
иаақәшәан, ирулак, иақәтәеит. Атәарҭақәа рҿы инеин,
инатәеит. Дук мырҵыкәа инеит аеропорт аҿы, автобусқәа ахьаангыло. Автобус анаангыла, уи иақәтәаз зегьы
ашьшьыҳәа иллыбаан, аеропорт азыҧшырҭатә зал ахь
рҿынархеит. Уа иахьнеиз, иахьҭацәыз аҭыҧқәа рҿы
инатәеит. Ицәажәо иштәаз, аамҭа ахьцаз рымбаӡакәа
иааит. Адиктор лыбжьы аарылаҩит, Москваҟа ицо рзы
аҳаирплан аҭалара азин шыҟаз. Уи аҳаирплан иазыҧшыз
зегьы уахь рҿынархеит. Зурики, Алхаси, Марҭеи, инаскьаргозгьы, рсумкақәа аашьҭхны, аҧсшәа наҳәаны,
раҧхьа игыланы инеиуаз, рымҩалаҩцәа инарышьҭалеит.
Зурики Алхаси Марҭеи шьаҿақәак ааҟарҵан, иааҭгылеит.
Егьырҭ цеит аҳаирплан ааины иахьтәаз ахь. Инаскьаргоз,
наскьаганы, автобусқәа ахьаангылоз ианнеи, аҕьҕьаҳәа
аҳаирплан абжьы аагеит. Уахь инаҧшызар, аҳаирплан
адгьыл иҩаҟәыҵны ишьҭыҧрааны ахалара иаҿын. Иааит
Адлертәи аџьармыкьахь ицоз автобус. Уи инақәтәеит
рыхҩыкгьы иеицыз. Адлер аџьармыкьаҿы ианнеи
иллыбааит. Гәдоуҭаҟа иаауаз, автобусқәа рангыларҭахь
рҿанынарха, Зурик даацәажәеит:
– Алхас, шәареи сареи иахьатәила, ҳаимҩалацәам,
шәара шәхала шәца. Сара Шәачанӡа сымцар ҟалом.
Абзиара шәзыҟалааит, – иҳәан дрыцрыҵны, иҿынеихеит
Зурик.
– Абзиара узыҟалааит, уахьцо уманшәалахааит, Маша
улышьҭаланы уцозар, – иҳәан Зурик алаф ааилихит
Алхас. Иааибарччеит Алхаси Зурики.
– Абзиараз, – лҳәеит Марҭагьы дыччо. Зурик дызрыцрыҵыз, «дара рымала иеицызааит, ишырҭаху еиҧш,
еицәажәап»,ҳәа игәы иаанагеит ҳәа дазхәыцуа.
Алхаси Марҭеи гыланы, Зурик дахьнеиуаз, ихәаҧшуан
дахьынӡарбоз. Уи уаҳа дрымбо ауаа данынрылала, Алхас
ус иҳәеит:
– Марҭа, бара Адлер ббахьоу?
– Марҭа илҳәара лҿамшәеит азнык азы, аха данаахәыц,
Алхас изҵаара аҭак ааҟалҵеит:
– Литваҟа ҳанцалоз, ҳанаалоз, сани сареи акыр ҳналсаалсқәахьеит.
– Аналс-аалсра иаанагаӡом, Адлер бзианы ибдыруеит
ҳәа. Саргьы акырынтә аџьармыкьаҿы саахьеит, аха
аџьармыкьа ада акгьы сыздыруам. Нас уи иаанагома,
сара Адлер бзианы издыруеит ҳәа. Мап. Бааи, ҳаицны
ҳналаҧшып Адлер, бгәы иацәымҕымзар.
– Изаҳҭахи, Алхас, заа аҩныҟа ҳцар, еиҳа еиҕьзар?
– Ус еиҳа еиҕьҵәҟьоуп ҳәа бгәы иаанагозар, бзиоуп,
нас. Алхас игәы мнаӡакәа лызҵаара аҭак шыҟаиҵаз
Марҭа ианеилылкаа, «игәы сцәыҧсыр аҵкьыс, ииҳәаз
сақәшаҳаҭхап», – ҳәа лгәы иаанаган, абас аҭак илҭеит.
– Бзиоуп, нас, Алхас, уара ишуҭаху.
– Сара ишысҭаху акәзар, бсыцны баала. Марҭа
лыжәҩа ааникылан, амҩа ааҩҵәаны, аџьармыкьа шыҟаз
рҿынархеит. Аџьармыкьа агәашә ианнадгыла, Марҭа
даацәажәан:
– Алхас, иалаҳхуазеи, аџьармыкьа? Уа иҟалар алшоит
ҳара ҳаздыруа, аҵәы ҳахазҵаша ауаа.
– Ус акәзар, бзиоуп, баала абрыстәи, – иҳәан аџьармыкьа иавганы игаз атротуар мҩахь рҿынархеит, лыжәҩа аанкыланы. Урҭ шнеиуаз, дааҭгылеит Алхас, нас ус
даацәажәеит:
– Абри аҭыҧ аҿы сзықәшәахьоу бдыруоу?
– Узықәшәахьеи?
– Амҩа ҳшықәу аҵкьыс, џьара ҳлатәаны исҳәар еиҳа
еиҕьзар?
– Ишуҭаху, Алхас, аха амҩа ҳақәуп ҳәа иуҳәар иҟалои?,
иҳәа – Алхас ацәажәара дналагеит:
– Ҵыҧх уажәааны, абна иахьыбсырбаз аҭыҧ аҿы
сшааиуаз, жәохәҟа-жәафҟа шықәса зхыҵуаз ӡҕабк лысаби дылгәыдырҕәҕәаланы, дааиуан. Ишызбоз, лнапала,
лысаби дызлаҳәаз ааиҧхьлырттеит, сара данаасывала:
– Схәыҷы, дызлаҳәаз сцәеиҧхьттеит, маҷк аҟара, даанкыли, даасырҽеиуеит, – лҳәеит лара.
Сара ахәыҷы даалымысхырц сҿынасхеит. Убри аамҭазы солдаҭк дааиуан. Афырҳәа, саҧхьа дынкылсын
илкыз асаби даалымихит. Убри аамҭа лхы иархәаны,
афырҳәа, асолдаҭ днеиҧырҵын, дыҩны, амҩа ааҩҵәаны,
ауаа рыжәпара дналаӡ дцеит. Асолдаҭ ииҳәара-ииура
изымдыруа амҩа даанхалт. Саргьы иҟалаз уамашәа избан
сшанханы саанхеит. Нас асолдаҭ даахәыцын, иикыз асаби
димсхырц сара сахь иҿааихеит. Сара снеиҧырҵны, наҟ
сҿынасхеит.
– Ари дабазгои, сара? – иҳәан асолдаҭ, ибжьы
ҩасхьигӡеит.
– Сара иласхузеи? Сара дыстәны удыруама? Абнахь
амилициа рахь дга, – сҳәан, сыбжьы ҩаихьысыгӡеит.
Акыр санынаскьа, сашьҭахьҟа санаахьаҧш, асолдаҭ
асаби дигәыршәыланы дахьнеиуаз, снеихьыҧшит.
– Дааумгоз асаби аҩныҟа, – лҳәан Марҭа дыччо Алхас
дааиҿаҧшит.
– Аҩны саннеи, сзықәшәаз сан ианласҳәа, уажәы
,бара ишыбҳәаз еиҧш, «дааумгоз асаби аҩныҟа» –
лҳәеит сан. Ашьҭахь, акыр данхәыц, лажәа илҳәаз
дахьхәын: «Дшааумгаз ауп, дааугар, ари асаби димоуп
ҳәа аӡәгьы дуцымцар, алшоит», – лҳәеит сан. Сан илҳәаз
иашахару, бара бгәы ишҧаанагои? – иҳәан Алхас, Марҭа
длазҵааит.
– Ииашазаргьы ҟаларын, асаби дызмоу, иҧҳәысгьы
дыҟоуп, – рҳәон. Аҧҳәыс дызмоу ахаҵа иццаз, аӡҕаб
ахаан цҭәа лыгхараны дыҟаӡам. Нас ацҭәа зҭаху ҳәа иҟоу
дарбану? Амала, уара иззуҳәаз асаби дааӡаны, думазар,
иаауго аӡҕаб илцәалаӡуеи? Лымаҵ зуша длаузар, еиҳагьы
длеигәырҕьар ауп илыхәҭоу.
– Убри, зыӡбахә ҳамоу асаби дааӡаны дсымазар, бара
ибҳәози, мап сцәыбкрызу?
– Мап, уцәыскуамызт, уара ишуҳәо еиҧш, иҟалаҵәҟьазар, аха уҧҳәыс дыҟазар, мап скуан.
Бара биашоуп, Марҭа, ауаҩы акыр даҧсоуп, малс иҟоу
уаҩуп. Ауаҩы дахьыҟам егьа мал ыҟазаргьы ибашоуп…
Абас ишеицәажәоз, агаҿа иазааигәаны илеит. Арымарахь
ала апарк ҧшӡа ыҟоуп, иаҵәабҕьыла иҭалаҳаны. Уи
анырба, апарк иныҵаланы, абара иааилаҳаит рҩыџьагьы.
Нас Марҭа даацәажәан:
– Шьыри, шаҟа иҧшӡоузеи, ари апарк, иныҵаланы
избалак.
– Уи абара ҳахьӡоит, макьана, амш акрыҟоуп. Уи апарк
ҳныҵалаанӡа, бааи абни аресторан аҿы ҳнатәаны акы
ҳнацҳап.
– Ус амла сакыҵәҟьом, аха уаала, уара иануҭахха.
– Баала… Алхас Марҭа лыжәҩа шикыз аресторан иныҵалеит.
Акранҵы, ашьҭахь, аресторан иаадәылҵын, амҩа
инангылт.
– Ҳныҵалап ари апарк ссир.
–Уара ишуҭаху…
Марҭеи Алхаси иеицны апарк иныҵалеит лахьхьынӡа–
аахьхьынӡа иныҵс-ааҵсны ирбеит. Нас ишааиуаз, еирымӡк ҭацәны иахьгылаз инадгылеит.
– Абра ҳлатәаны, ҳаҧсқәа ааиҭаҳкып. – иҳәеит Алхас.
– Ибзиоуп, – аҭак ааҟалҵеит Марҭа. Нас инеины
иҭацәыз аирымӡ аҿы илатәеит рҩыџьагьы. Ус акраамҭа
ҿымҭӡакәа итәан араҟа. Аҭынчра ууаӡа ирхатәан. Уи
аҭынчра ааилеигеит Алхас.
– Марҭа, сара издыруеит бара сшеилыбкаауа. Сыбзеилымкаауазар, аранӡагьы, бсыцны баауамызт. Ус зегьы
рҳәатәы хазҵо бышреиуамгьы ибзианы издыруеит. Сара
гәык ала бшысҭаху иеилыбкаауеит. Убас баргьы сыбҭахуп.
Абас еиҧш иҟоу аибаҭахра ауп изахьӡу “Абзиабара”.
Баргьы саргьы бзиа ҳаибабоит…
–Ус ауп, Алхас, ус ауп.
– Ус анакәха, ҳара ҳҩыџьагьы ҳабзиабара иадырганы,
абри амацәаз, сан исылҭаз амацәаз ауп, – иҳәан
иааҭыхны, Марҭа лнапы кны даахан, ишьамхы инықәиҵан, лнацәа инахеиҵеит.
– Уан иулҭазар, еиҳагьы еиҕьасшьоит, еиҳагьы пату
ақәысҵоит, аха уи ацкыс сара иусҭо сымаӡамеи? – лҳәеит
аарлаҳәа Марҭа лыбжьы ныҵакшәа.
– Уи ацкыс исыбҭо егьаурым. Ацкы змырхуа мап лкыр
ҳәа изыцәшәо лоуп. Бара сбыцәшәаӡом. Избанзар, мап
шыбымкуа здыруеит, – иҳәеит Алхас дыччо.
– Усҟан, сыҧсааит, – лҳәеит Марҭа гәык-ҧсык ала.
Убасҟан, Алхас иарҕьа напы аалыкәиршан, иарма напала
Марҭа лхы ааникылан, лылақәақәа днархыҧшылеит.
Убасҟан, иааиқәҧсеит Марҭа лылақәақәа. Алхас Марҭа
лқьышә иазырхаз иқьышә ашьшьыҳәа алаҟәхара иаҿын.
Ус ишлеи-леиуаз, рҩыџьагьы рқьышәқәа ааи-қәылеит…
Акранҵы ашьҭахь, аҕьеҩ ҳәа дҩаҵҟьеит Марҭа.
Хабалак днаҧшы-ааҧшит, аха ҧсы зхоу уаҩы длымбеит,
нас дааҳәын Алхас дниҿаҧшит:
– Зыгәра угаша хаҵа дыҟамзаап, – лҳәеит лара, лхылҿы гәырҕьарак ықәӡамкәа.
– Саҭамыз, Марҭа, бара ибҳәан еиҧш, «зыгәра угаша
хаҵа дыҟамзаап». Акы заҵәык сгәалашәом. Бара быда
аҧсҭазаара сымам.
– Саргьы, уара уда ҧсҭазаара сымаӡам, ҳаҧсҭазаара
еилаҳҵозар ҳәа сгәыҕуеит, аха уара уццакцәоит. Уара
уццакцәара сара саргәааит, – лҳәан лҿыналхеит дызлааз
лымҩала. Уи убас днеиуан, арахь данаауаз ианылҵаз
лышьҭақәа дырхыланы даауеит уҳәаратәы еиҧш. Лара
акыр днеихьаны еиҧш, Алхас дынлышьҭалан, лыжәҩа
инапы наҵихын, иеицәажәо рҿынархеит. Урҭ неиуан акы
еибызымҳәаз џьоукы реиҧш. Ус аџьармыкьа ианҩавала,
Алхас инапы лыжәҩа иаҵхыз аамылхын, лыблақәа хааӡа
Алхас дниҿаҧшын:
– Усзымгәаан, Алхас, «абна аблеи алымҳаи амоуп», –
рҳәоит, џьоукы ҳарбар ҳәа сшәоит. Сыжәҩа аанкылара
маҷӡак аҟара иаачҳа. Суҳәоит, – Марҭа илҳәаз лажәа Алхас
дахымҧеит. Уи лыжәҩа уаҳа имкит, аха длывагыланы,
дышцац дцон. Ус иеицны ишнеиуаз, Алхас Марҭа
длазҵааит:
– Ҳазбап зыбгәахәуада, Марҭа?
– Аџьармыкьахь крыҭира ҳәа ҳара ҳҿынтәи иаауа
рацәаҩуп. Урҭ ҳарбар ҟамлаӡои?
– Быжәҩа скымзаргьы ҳарбоит.
– Ус ҳарбеи, сыжәҩа унапы аҵхны ҳарбеи, акы акәӡам,
Алхас…
– Уи иашоуп, уаҳа быжәҩа снапы аҵысхуам.
– Убас аҳәатәы хазҵо иоуп сара исгәаҧхо.
– Убас аҳәатәы хазҵо ҳәа иҟоу сара соуп, Марҭа, сара
исеиҕьу дыбзыҧшааӡом.
– Уи здыруеит, Алхас. Уара суқәгәыҕуеит азоуп, ас
зысҳәо…
Абас ишеицәажәоз, иахьҩеиз рымбаӡакәа Гәдоуҭаҟа
ицо автобусқәа ахьаангыло, аҭыҧ аҿы иҩеит. Ишҩеиҵәҟьаз Гәдоуҭаҟа ицоз автобус ааины иаарыдгылт.
Иеиҵамхаӡакәа, афыр-сырҳәа иҩыхәнеит. Ҩыџьа–хҩы
рыда зықәтәамыз ари автобус, алеи-ҧси рыла иаадырҭәит, иаарласны иаргьы аҿыҩанахеит.
Марҭеи Алхаси рҭыҧқәа рҿы итәаанӡа, дара рҭыҧқәа
ишырхагылаз, автобус иақәтәақәаз зегьы лаҧшыла
иааимырдеит, аха ирдыруаз ҳәа аӡәгьы дрымбеит. Иалырдырааи, урҭ шеицу џьоукы ирбар, ирхырҳәаауа, зҿы
укыр, зыбз узымкуа, ауаа маҷума. Марҭеи Алхаси имшәаимырҳа, рҭыҧқәа рҿы илатәан ишеицәажәоз мацара,
Марҭа дахьыбжьалоз архәараҿы иааит.
– Марҭа, бара ара блыбаауоу, Гәдоуҭаҟа бцоу?
– Ара слыбаауеит.
– Ус акәзар, сара Гәдоуҭанӡа сцап, уаантәи саап.
Аҵыхәтәантәи автобус ала. Уи аара макьана акрагуп.
Издыруада уаанӡа бара акы багаргьы.
– Иҟало збап, – лҳәан аҧхьатәи ашә ала лҿыналхеит,
Алхасгьы дналышьҭалеит, Марҭа лаагаҧсахә лимыршәарц. Автобус аҧсҟы зҟыз иаҧхьа даннеи, Алхас Марҭа
лыжәҩахырқәа ааникылан, «ус ҟабымҵан, ҧхашьароуп»,
– иҳәан аныҟәцаҩ дниҧыригеит. Автобус аанкылан,
Марҭа дыллыбааит.
– Сара Гәдоуҭанӡа сцоит, аа, Адлерынтә ҩыџьа ҳаагаҧсахә, – иҳәан аныҟәцаҩ аҧарақәа наииҭеит…
Автобус аҵыхәтәантәи аангыларҭа акәын Гәдоуҭа.
Уа ианнеи, иақәтәаз зегьы ллыбааит, автобус аныҟәцаҩ
иаҧхьа аагаҧсахә нықәыҧсо.

Ҩажәеи актәи ахы
Автобус аҿынанахаанӡа, Марҭа дахьыллыбааз аҭыҧ
аҿы дгылан, автобус аҿанынаха, лара дааҳәын ақыҭахь
ицоз автобус аанҿасырҭахь лҿыналхеит. Уажәы, уа
аӡәгьы дыҟамызт, избанзар, макьана автобус ааира
аамҭа акыр агын. Уа ауаа анеизоз, автобус ааимҭазы
акәын. Сааҭбжак аҟара ҵхьан, Марҭа ара дгылеижьҭеи.
Хҩы-ҧшьҩы раҟара ауаа ааихьан, ақыҭахь ицақәоз. Убри
аамҭазы, хатәы машьынак ааин, Марҭа дахьгылаз, аҧхьа
иаангылеит.
– Ирласны бааи, Марҭа, аҩныҟа бцозар, – иҳәан аныҟәцаҩ Марҭа ибжьы налықәиргеит. Ари иаангылаз Марҭараа ргәыла Ҷас иакәын. Ҷаси Захари нхарала рацәак
рыбжьамызт, аха усҵәҟьагьы иагьеизааигәамызт. Ҷас
иҩны уавсны акәын, Захар иҩнахьы ушцоз. Ҷас дахьынхоз, иавсны амашьына аҿаныҩанаха, Марҭа дҕьаҵәы–
ҕәаҵәуа ҿаалҭит:
– Ҷас, ара уаангыл, сахьынӡааугаз, иҭабуп. Ашьшьыҳәа
шьапыла сцоит, сшьапгьы неиҵысхуеит, – лҳәеит, аха
иара имуит.
– Изуазеи, мҩабжара бааныжьны, анцәагьы исџьишьомеи. Аҩныҟа бымҩахыҵ сҳәеит ҳәа, бымҩахыҵшам.
Захар игәы иалымсуеи ара баансыжьыр, – иҳәан Ҷас
даанымгылаӡакәа дышҩеиуаз, Захар игәашә дааҳәны
днадгылеит. Марҭа амашьына дааҭыҵт. Марҭа дахьынаҧшуа, Захар ауҭраҿы, дшырпуаз лбеит.
– Шәҩызагьы аҩны дыҟоуп, шәызхарагьы шәеицәажәап, шәымҩахыҵ, – лҳәеит Марҭа.
– Иҭабуп, Марҭа. смыццакуазар снеиуан, аха даара
сыццакуеит. Аҩны сынкыдгыланы, аиҭа ақалақь ахь
сымцар ҟалом. Исхашҭыз, бара аҵара бҭалеит ҳәа саҳаит,
ибыдысныҳәалоит, – иҳәан иҿынеихеит.
– Иҭабуп, иахьсыдышәнаҳәалаз. Аҩныҟа шәааир
акәын, – лҳәеит Марҭа. Ҷас аҩныҟа дахьлызнамгаз лгәы
иаланы.
Захар ауҭра дахьҭаз аҟнытә ибон, Марҭа аныҟәцаҩ
дышиацәажәоз. Марҭа даазгаз, дара ирҭаху аӡә шиакәыз
иеиликааит, аха дарбаныз абеидыруаз. Марҭа Захар
арпра дахьаҿыз иаҧхьа даннаи, ихы налықәикын:
– Бара, Марҭа, баазгаз дарбану? – дҵааит Захар.
– Саазгаз Ҷас иоуп.
– Ҷас бҳәоу, дзымбеижьҭеигьы акрааҵуеит, аҩныҟа
даабгар акәымзи.
– Аҩныҟа уааи ҳәа акыр сидхалеит, аха имуит.
– Уи иаргьы саргьы ҳаиқәлацәоуп, пату иеиқәаҳҵоит,
ҳхәыҷра аахыс. Даабгар ҳазхарагьы ҳаицәажәон, аҵәыцақәакгьы ҳкуан, – нас дааҳәын, дызҿыз арпра аиҭа
дналагеит. Марҭа Захар дынивсын, аҩныҟа длеит.
– Ашәхымс дшаахыҵыз еиҧш, Света даацәжәан:
– Иахьа Ҭина лысасцәа рыҩныҟа ицозар акәхап, урҭ
наскьабгозма?
– Ааи, инаскьазгон.
– Бымала бакәзу, урҭ наскьазгоз?
– Избан, сымала шсакәыз?
– Уаҳа иҟадаз?
Марҭа илҳәо лҿамшәо дааҟалеит. Акраамҭа ҿымҭӡакәа
дгылан, нас Света даччан:
– Алхаси Зурики ракәхап урҭ быцнаскьазгоз.
– Ааи, – лҳәеит Марҭа аарлаҳәа лыбжьы ныҵакны.
Зурик Москватәи аргыларатә институт дҭалеит. Маша
Москватәи амедицинатә институт, – лҳәеит Марҭа.
– Урҭгьы саҳахьеит. Баргьы аучилишье бҭалеит. Ирыц-
ҳасшьо Алхас иоуп. Ибзианы аҧышәарақәа иҭиит, аха
аус имуцт ҳәа дрыдрымкылеит, аиаша абаҟоу, – лҳәеит
Света лгәы иаланы.
– Ааи, аҧышәарақәа бзианы иҭиит, аха конкурсла
дзымцеит. Аус зухьази, арра ицаны иаахьази, рацәаҩны
иҟан, – рҳәеит. Аха зегь акоуп, ҩышықәса рышьҭахь
дҭалоит. Уи иреиҳау аҵара дҭалартә адырра имоуп, –
лҳәеит Марҭа.
– Алхас цәгьала дысгәаҧхоит. Иан лымала лоуп аҩны
иҟоу. Ушьҭа ҩышықәса аус уны, нас аҵара дахьҭало
егьыҟам, аха ҧҳәыс дааигар, дынхар, еиҳа изеиҕьуп.
Света лажәақәа Марҭа дҩеилыҧсаа дыргеит. Алхаси
лареи реизыҟазаашьа лдыруашәа лгәы иабеит Марҭа. Аха
мап, ус акгьы Света илыздыруам, ус баша лгәаанагара
лҳәеит ауп. Амала, Алхас ибзиара акәымзар ицәгьак аӡәы
иҳәо лмаҳацызт Света. «Афбатәи акласс иантәаз аахыс
иеидтәалоуп, ишыхәыҷыз иеицрызҳаит. Лара Марҭагьы
ҧшреи-сахьеи згу аӡәы лакәӡам. «Абарҭ, абзиабара
ашәахәақәа рықәнамҧсаӡаци», – ҳәа
акырынтә
дазхәыцхьан ауп Света абас зхылҳәаазгьы.
– Ибҳәо закәи аҵара далымгакәа ҧҳәыс дышҧааигои?
– лҳәеит Марҭа, Света илҳәаз ацынхәрас. Алхас ҧҳәыс
дааигаҵәҟьазшәа лгәы иабаны.
– Марҭа, ишыббо еиҧш, Алхас аинститут дзымҭалеит.
Аинститут дҭалар, акы иамусын, аха ҩышықәса аус уны,
ма арратә уалҧшьа ихганы, аҵара дҭаланы, далганы,
нас ҧҳәыс дааиго. Ари ахаҵа заҵә изы дахькылнаго
базхәыци, – лҳәан Света Марҭа даалҿаҧшит. Марҭа Света
даныналҿаҧш, Марҭа лылаҕырӡқәа нархыжжылеит. Ари
Света лылаҧш нақәшәеит. «Зегьы лара илдыруеит»
аалгәахәын, Марҭа луадахь дцеит. «Ҳәарада, Марҭа
лгәы иамыхәоз сымхаҳәеит. Уи азоуп лылаҕырӡқәа
зынхыжжылаз. Абзиабара рыбжьазар акәхап ҳәа Света
дхәыцуан. Света днеин, Марҭа луада ҵрааны иҟаз дынкылыҧшит. Марҭа аҵәыуара даҿын. Ус Света лылаҧш
нақәшәеит, Марҭа лнапы иахаз амацәаз. Амацәаз,
иахьа Алхас инапала, лара лнапы иахеиҵаз. Уи Света
илымбарцаз, лнапы ишахылхшазгьы лгәаламшәеит.
Уи лбазаап ауп Света, Алхас ида дыҟамшәа дышлырҽхәозгьы. “Длырҽхәааит, дызлырҽхәазеи сҳәаӡом.
Деилкааны, длырҽхәозар, длырҽхәошәа ҟаҵаны,
гызмалрак аҵалымгалозар. Агәнаҳа анцәа исуамырҳәан,
Светаҵәҟьа ус збалҳәари? Уи анык леиҧшҵәҟьа слыдылкылеит, анык леиҧшҵәҟьа сылбоит. Нас абас еиҧш
иҟоу ахәыцрақәа схаҿы изааиуазеи, ахәыцра бзиақәа
зымааиуазеи? Издыруада, сара схаҭа сыбзиамзар? Уи
атәы сҳәаӡом. Аӡәы ихара изхараӡам ианидижьло, уи
еицәоу гәнаҳа ыҟам адунеи аҿы. Нас сара убас сзыҟеи,
схала агәнаҳа сзаҵалои? Мап, Света дыбзиоуп. Сара сзы
бзиарамзар, цәгьара лҭахӡам. Агәра згоит, сымаӡа сгәаҵа
иҭаҵәахны исымоу ласҳәаргьы, аӡәы ишиалымҳәо,
сара сеиҧш, ларгьы лгәаҵа иҭаҵәахны ацхыраара
шсылҭо, лара леиҧш исзааигәоу, уаҳа сара исымада?
Исзааигәақәоу хәыҷқәоуп, ма исеиҳабацәоуп. Иласҳәап
Света, уи лыгәра угартә дыҟоуп. Аӡәыр иасҳәараны
сыҟазар, лара лыда уаҳа сара аӡәгьы дсымам, лнапы
сҽанысҵар, еиҳа исзеиҕьуп”, – лҳәон гәаныла.
Афырҳәа, дҩагылеит. Лылақәақәа чабрала иаалрыцқьеит. Дышиашаз, Света амаҵурҭа дахьыҩназ, днеит
лара, лнапы иахаз амацәаз лбар ҳәа дацәымшәакәа.
Уи лбар, еиҳагьы еиҕьалшьозар ҟаларын. Избанзар,
иалшон, усҟан, Марҭа игәаҕьны илызцәырымго, Света
ицәырылгаргьы. Усҟан, еиҳа имариахон, ари аус аӡбара,
аха иабаҟоу, ус иҟамлеитеи? Марҭа лхала ицәырылгароуп,
ацәыргара иагьа иуадаҩзаргьы. Уаҳа ҧсыхәак лыманы
иҟам. Марҭа Света амаҵурҭа дахьыҩназ, лааишьа зеиҧшраз ала, акы лҳәарц шылҭахыз аҟара лцәа иалашәеит,
аха изакәу лыздыруамызт. Еилкаашьасгьы иалҭарызеи,
Марҭа лхала илымҳәозар? Убри аҟнытә, Света ҿымҭӡакәа
дааҭгылеит, Марҭа илҳәо дазыҧшны.
Акраамҭа ҿымҭӡакәа игылан рҩыџьагьы. Аҵыхәтәан,
Марҭа илгәаҕьит илҳәарц илҭахыз.
– Мама, ари ббоу? – лҳәан лнапы амацәаз зхаз
ҩышьҭылхын Света лахь иналырххеит. Света амацәаз
днахәаҧшын:
– Ибызҭада, ҳазгәаҧхада? Иеиҿкаашәа иҟоу аӡә
иакәушь? Иеиҿкаам аӡә иакәны дыҟазар, ибдырааит
сышбыдымгыло? Башьцәеи баҳәшьцәеи макьана ихәыҷқәоуп, аха баби, баб иашьцәеи, бандуи, сареи ҳагәқәа
ҧжәаны ҳбымшьын. Иахьакәым тышак бхы ҭабыжьыр,
ибдырааит, уи атыша аҭыҵра шымариамхо. Уи атыша
бышҭажьу мацара, быҧсҭазаара зегь царгьы шалшо
бдыруазааит. Дарбану, быҧсҭазаара зыбҭаз, убри сара
дансабымҳәа, ибдырааит быҧҳауп ҳәа бшысымҧхьаӡо.
– Ибасҳәар иҟабҵои? – лҳәеит Марҭа дыччо.
– Иҟасҵахои? Иахьаҧсоу бцозар, сбыцхрааны амҩа
бықәысҵоит, иахьаҧсам бцозар, сҳәатәы хабҵароуп,
бмацәаз бызҭаз инаганы имҵасыршәоит. Убас ауп
ишыҟасҵо, насгьы бара бызҭалаз балымгакәа хаҵа банца,
бзалымгаӡакәа наӡаӡа баанхаргьы шалшо бдыруазааит.
– Сызҭалаз сҵара салгаанӡа хаҵа сышҧацои? Ус
санныҟәа бара ибҳәаз сшақәшәо саргьы издыруеит. Уи
азы бымшәан, сызҭоу салгаанӡа хаҵа сцаӡом.
– Аҷкәынцәа ус рҳәоит, аха анапеимдахьа анбыдыбкыла нахыс, иара битәуп, ииҳәо мап бкыр ҟалаӡом.
Ус иҟан, ус иҟоуп аҧсуа закәан, ицәгьа, ибзиа.
– Уи саргьы издыруеит.
– Ибдыруазар амацәаз имхра бахымыццакыр акәын.
Уи имбхит. Убра биашам, Марҭа.
– Мама, бацәымшәан, уи ус ҟазҵо иакәӡам.
– Марҭа, дарбан. Бара «уи» ҳәа бызҿу? Сара исабымҳәари, «уи» дзусҭоу?
– Избасымҳәои? Баргьы дыбдыруеит.
– Дарбан, сара издыруа?
– Бара еснагь зырҽхәара баҿу.
– Алхасу?
– Ааи, Алхас.
– Уи иакәзар, аразҟы бзиа бауит. Бразҟы быды-
сныҳәалоит. Уи сара дысгәаҧхоит. Дзусҭазаалак, аӡәгьы,
акгьы исырҳәом. Амала, бҵара балгаанӡа баанимыжьыр
ҟалап…
– Имур имацәаз сыргьежьуеит.
– Аҧсуа ӡҕаб ус ҟалҵаӡом. Ус ҟазҵо зхы пату ақәзымҵо
ҳәа дыҧхьаӡоуп. Насгьы Алхас ус ззууша иакәӡам,
убригьы бдыруазааит. Ианоубыжь ицеит, аҵыс бнапы
иаку анаубыжь ишцо еиҧш, – лҳәеит Света дгәырҕьаҵәа.
Светагьы Марҭагьы абас ишеицәажәоз, адәахьы ҧҳәыск
лыбжьы аагеит. Уи лыбжьы шаагаҵәҟьаз, Света дындәылҵит. Ҿыҭны иааиз, агәылаҧҳәыс Дина лакәын.
Дина амардуан дшыҩхалаз еиҧш:
– Иҟалаз шәаҳау, бара? – лҳәан длызҵааит.
– Иҟалазеи? – лҳәеит Света.
– Ақырҭцәа ҳақәлар рҭахуп.
– Ишҧаҳақәло? Иҳақәлоит, аха ҳазхдырҟьозеи?
– Қырҭтәыла зегьы ақырҭцәазароуп, – рҳәеит.
– Иақырҭцәамкәа изусҭқәада Қырҭтәыла инхо?
– Бара бзусҭада?
– Сара саҧсыуоуп.
– Бабанхои?
– Аҧсны сынхоит. Уи ала ибҳәар ибҭахи?
– Дара изларҳәа ала, Аҧсны Қырҭтәылоуп.
– Ус дара рдин аныс, Аҧсны Аҧсноуп. Уи Қырҭтәыланы
ҟалашьа амаӡам. Аҧҳал аҵахь амаа узаҭаӡом. Иауҭар
ихышәҭуеит.
– Иҟалазеи, зышәҳәаз? – Марҭагьы амаҵурҭа
дааҩныҵын, Светеи Динеи ахьеицәажәоз даарыдгылт.
Иҟалахи, ақырҭқәа ҳақәлар рҭахуп, – рҳәеит.
– Ҳзыхдырҟьозеи?
– Ҳзыхдырҟьо бымбои? Ҳадгьыл ауп, уаҳа ҳзыхдырҟьои?
– Ҳара ҳабаргои? – дҵааит Марҭа.
– Ауаа ирҳәоит убарҭқәа зегьы, дара ргазеҭ «Заря
Востока» ҳәа иҭыҵуа ианҵаны, хабалак икарыҧсеит
ҳәа. Уи иануп ҳәа иаҧхьаз изларҳәо ала, дарбанзаалак,
аӡәгьы икьысӡуам, ҩышықәса аҽҳәара рырҭоит, убраанӡа ақырҭшәа ззымдыруа зегьы ирҵароуп ҳәа.
Иззымҵазгьы гәыбҕан рырҭаӡом, амала, амаҵура
аанижьроуп ҳәа. Қырҭтәыла қырҭуа бызшәамзар, даҽа
бызшәак ҟамлароуп, аҩырақәа зегьы қырҭуа бызшәала
иҳаҩлароуп, ҳәа игылеит.
– Ирыҩлааит, нас қырҭуа бызшәала Қырҭтәыла, ҳара
усс иҳамоузеи? – лҳәеит Света.
– Аҧсны Қырҭтәылоуп ҳәа ирыҧхьаӡоит урҭ алахшақәа, – лҳәеит Марҭа лгәы ҧыжәжәо.
– Ус дара гәабзиарахааит, Аҧсны шқырҭтәылоу.
Аҧсны Аҧсноуп адунеи анцәа иааишеижьҭеи. Насгьы,
шәымбои, Гагра, Гәдоуҭа уҳәа хабалак, Ереванҟа ицоз
адәыҕбақәа аанкыланы, арҳәра иаҿызаап, изырҳәогьы
дара ақырҭцәеи, агырқәеи, ашәанцәеи, ақырҭқәа ҳәа
иҟарҵахьоу ракәзаап. Аҧсуа адәыҕбақәа дырҳәоит
ҳәа ҿыҵгас иҟаҵаны ақырҭуа ир Аҧсны иаларгалар
рҭахызаап. Мцла ус ар аналаргала, Аҧсны агара еиҳа
имариахоит, уи азоуп изҿқәоу зегьы изырҿу, – лҳәеит
Дина.
– Нас аҧсуаа иахырҳәаауазеи, зырҳәаз? – дҵааит
Света.
– Аҧсуаа иахырҳәаауазеи, ҳ-Аҧсадгьыл аӡәгьы
иаҳҭаӡом, ҳхы ақәҳҵоит ҳәа игылоуп, аха ирылшои,
ҧшь-миллионк иҟоу, шәнызықьҩык рҿагылеит ҳәа, –
дцәажәон Дина.
– Ахыҧхьаӡара акәӡам аус злоу. Аус злоу аиашоуп.
Аиаша иазықәҧо, ҳәарас иаҭахузеи аиааира ргоит.
Аурысқәа ҳадгылоит. Урҭ аӡәгьы ҳирҭаӡом, ишәымбари,
ус иҟамлозар?
– Арҭ иҳаланхо зыдгылода? – дҵааит Света.
– Ҳрыланхоит рҳәома, ҳара дара ҳрыланхошәа ауп
ишцәажәо. Иҳаланхо, шәҳадымгылозар шәықәҵ ҳәа ауп
ирҳәо, – лыҧсы ҧыжәжәо, ацәажәара даҿын Дина.
– Ҳара ҳахьцо ҳамаӡам, дара роуп иахьцо змоу, Қырҭтәылаҟа иқәҵны ицааит, – лҳәеит Марҭа.
– Дыҵарҟәаҟәааит уи аџьныш ҧаҵа ду, уи иарҕьажәҩа
Лаврент Павел-иҧа Бериеи иареи роуми зегь ҟазҵа,
«Қырҭтәыла ҳарҭбаауеит» рҳәан уахь ҳналарҵеит. Ҳаргьы
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аамҭа цәгьақәа раан. - 37
  • Части
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 01
    Общее количество слов 3616
    Общее количество уникальных слов составляет 1944
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 02
    Общее количество слов 3620
    Общее количество уникальных слов составляет 1841
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 03
    Общее количество слов 3607
    Общее количество уникальных слов составляет 1900
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 04
    Общее количество слов 3647
    Общее количество уникальных слов составляет 1960
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 05
    Общее количество слов 3601
    Общее количество уникальных слов составляет 2010
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 06
    Общее количество слов 3561
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 07
    Общее количество слов 3536
    Общее количество уникальных слов составляет 1919
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 08
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 1837
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 09
    Общее количество слов 3531
    Общее количество уникальных слов составляет 1792
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 10
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1927
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 11
    Общее количество слов 3529
    Общее количество уникальных слов составляет 1942
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 12
    Общее количество слов 3495
    Общее количество уникальных слов составляет 2029
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 13
    Общее количество слов 3468
    Общее количество уникальных слов составляет 1764
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 14
    Общее количество слов 3469
    Общее количество уникальных слов составляет 1874
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 15
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1817
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 16
    Общее количество слов 3505
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 17
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 18
    Общее количество слов 3513
    Общее количество уникальных слов составляет 1846
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 19
    Общее количество слов 3596
    Общее количество уникальных слов составляет 2039
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 20
    Общее количество слов 3470
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 21
    Общее количество слов 3462
    Общее количество уникальных слов составляет 2017
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 22
    Общее количество слов 3535
    Общее количество уникальных слов составляет 1917
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 23
    Общее количество слов 3504
    Общее количество уникальных слов составляет 1870
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 24
    Общее количество слов 3559
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 25
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1892
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 26
    Общее количество слов 3502
    Общее количество уникальных слов составляет 1894
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 27
    Общее количество слов 3585
    Общее количество уникальных слов составляет 1881
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 28
    Общее количество слов 3579
    Общее количество уникальных слов составляет 1970
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 29
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1902
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 30
    Общее количество слов 3619
    Общее количество уникальных слов составляет 1863
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 31
    Общее количество слов 3527
    Общее количество уникальных слов составляет 1924
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 32
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 33
    Общее количество слов 3523
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 34
    Общее количество слов 3477
    Общее количество уникальных слов составляет 1923
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 35
    Общее количество слов 3533
    Общее количество уникальных слов составляет 1780
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 36
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 1920
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 37
    Общее количество слов 3453
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 38
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 2051
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 39
    Общее количество слов 3456
    Общее количество уникальных слов составляет 2056
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 40
    Общее количество слов 3480
    Общее количество уникальных слов составляет 1999
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 41
    Общее количество слов 3545
    Общее количество уникальных слов составляет 1986
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 42
    Общее количество слов 3551
    Общее количество уникальных слов составляет 2061
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 43
    Общее количество слов 3528
    Общее количество уникальных слов составляет 1968
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 44
    Общее количество слов 3268
    Общее количество уникальных слов составляет 1833