Latin

Аамҭа цәгьақәа раан. - 21

Общее количество слов 3462
Общее количество уникальных слов составляет 2017
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
сҳәом, – лҳәан, уи ала иеинаалеит.
Асааҭ хԥа аныҟала, Ҭинеи Марҭеи рсумкақәа аашьҭыхны амҩа иқәлеит. Акыр изаацәан, аха заа ицар, Марҭа лоуп изгәаԥхаз. «Багхар аҵкьыс, заа бнеир, еиҳа еи
ӷьӡами», – лҳәан. Ҭинагьы уи дазыразхеит. Авокзал аҿы
заа инеит Ҭинеи Марҭеи. Алимонад ллыржәит, аршәы
лҿалҵеит.
Асумкақәа атәарҭа аԥхьа иргыланы, дара уа илатәеит.
Уа итәан акраамҭа. Атәара ргәы анԥнаҵәа, асумкақәа уа
изгылаз, уи ааигәа-сигәа аллеи-ҩеира иалагеит. Адәыӷба
ааимҭаз, еиҭа иахьтәаз, илатәахит.
Ԥыҭрак уа итәан. Адәыӷба арҵәааҳәа аҳәҳәабжь аагеит, акыр инахараны. Апасаџьырцәа зегьы рымаҭәақәа
аашьҭыхны, иара ахьаадгылоз, аперрон ахь еиханы рҿынархеит. Ҭинеи Марҭеи рсумкақәа аашьҭыхны урҭгьы зегьы ахьцоз, инарышьҭалеит. Апассџьырцәа зегь реиԥш,
урҭгьы рсумкақәа надыргылеит. Ус адәыӷба ҳәазо, иаарывалеит. Аныҟәашәа иагырхо, ашьшьыҳәа иааиуан.
Ус ишааиуаз иаангылеит. Адәыӷба анаангыла, авагонмҩаԥгаҩцәа рвагонқәа рышәқәа аадыртын, иллыбааны, доусы рмардуанқәа раԥхьа иаангылеит. Илыбаашаз
лыбааит, агәаран игыланы. Авагонқәа рҭалара иалагеит
апассаџьырцәа. Ҭинагьы Марҭагьы агәаран инагылеит.
Авагонмҩаԥгаҩ иаԥхьа ианааи, Ҭина лблеҭ аацәырганы
инаилырбеит.
– Ари саб иаҳәшьа лоуп, слыцхраауеит, слыцҭаларц
сшәыҳәоит, – лҳәеит Марҭа. Авагонмҩаԥгаҩ иахь лхы
нарханы.
– Бара ахәыҷы ибҳәаз, сара мап сзацәкуам, блыцхраа,
азин бысҭоит, – иҳәеит авагонмҩаԥгаҩ, Марҭа длыхәаԥшуа. Уи акәхеит Ҭинеи Марҭеи еицхырааны авагон
иҩыхәнеит. Рсумкақәа еимакы-еиҿакны икны авагон абжьара ибжьаланы рҿынархеит. Ус ишнеиуаз, инадгылеит
лкупе. Акупе ашә аартны иныҩналеит. Лҭыԥ аагәалҭеит.
Рсумкақәагьы рҭыԥқәа аарзырԥшааит. Иҭацәын макьана акупе. Илатәеит рҩыџьагьы. Акыр еидтәаланы
иеицәажәон арҭ рҩыџьагьы. Адәыӷба адәықәлара хәбаҟа
минуҭ шагыз, – «сара шьҭа сцоит» – лҳәан, Марҭа Ҭина
аԥсшәа аалаҳәаны, длыбаарц лҿыналхеит. Ҭина сгылоит
ҳәа далагеит, аха Марҭа илымуит.
– Сара сцоит, бара бымгылан, ара бтәаз, – лҳәан.
– Ибзиоуп, баб иаҳәшьа дбыкәыхшоуп, машәырк
ҟабымҵан, – лҳәан, излалдыруаз ала длылабжьеит Ҭина.
– Абзиараз, – Ҭинагьы аҭак ааҟалҵеит. Ҭина дахьтәаз,
илзымчҳазт дҩагылан, акупе дындәылҵын, ахышә дынкылԥшит, аха Марҭа длымбаӡеит. Иаразнак дыш-ԥацеи?
Ма ауаа рыжәпара дысзалымбаау?, – аалгәахәт Ҭина.
Ҭина лымҩанызак дааин, лҭыԥ аҿы длатәеит, лымаҭәақәа наԥхьакны. Лыԥсы лгәы икылаханы дыҟан уи.
Данылатәа акыр лыԥсы ааиҭалкит.
– Акгьы аасыгымхеит сагхарц, – лҳәеит лара. Абри
шаалҳәаз еиԥш, адәыӷбагьы хәар-чар арган, зны ԥхьала,
нас шьҭахьла инеиха-ааихеит. Аҵыхәтәан ԥхьаҟа инеихан,
аҿынанахеит. Литватәи Аԥсныҟа ахы рханы иаауеит адәыӷба.
Есааира адәыӷба Аԥсны иазааигәахошәа лбон Ҭина.
Ус жәабаҟа минуҭ адәыӷба ныҟәахьан еиԥш, Ҭина
лымҩалеи лареи еицәажәо иштәаз, ашьшьыҳәа акупе
ашә аартны дааҩнашылт Марҭа. Ҭина Марҭа данаалҿаԥш,
иҟалаз лзымдырит, дшанханы даанхеит. Аԥхыӡ далоу
џьылшьеит Ҭина азнык азы, нас даахәыцшәа лун, ус
лҳәеит:
– Бабаҟаз Марҭа? Иҟабҵазеи? Сзыбжьазеи? Сымцар
зуам бҳәар, бан илаҳамҳәози? Уи илаҳҳәар, мап лкуеит ҳәа сыҟамызт. Апату сықәырҵеит, ҭынха дук леиԥш,
арахь бӷьычны баазгазшәа иҟалеит. Ишԥазуеи, шьҭа? –
лҳәан, дааӷьаҵәы-ӷьаҵәит Ҭина дахьтәаз.
– Бара сбымгозар, сара уаҳа Литва саангылаӡом,
иахьцалак, сара Аԥсныҟа сцоит. Уа сыԥсааит, уоуп сара
сыԥсадгьыл, Литва акәӡам, – Марҭа дцәажәон дунаӡак
иеиԥш.
– Унан, Марҭа. Бара хәҷынӡара, аԥсра аӡбахә шԥабҳәо,
– лҳәан, илҳәаз лажәақәа рхьаршшаара далагеит.
– Сара Литва сҭахӡам, Аԥсноуп исҭаху. Алитов бызшәала аҵара сҭоуп, исызҵаӡом. Зегьы сара сырҭахӡам…
– Ас анбгәиҭаз, уа саныҟаз ибҳәар, ак ҟасымҵози.
– Ибҭаху сызу, аха сара Аԥсныҟа сымцар зуӡуам,
– лҳәахт Марҭа. Ҭина лымҩалаҩ, аԥсшәа лзеилкаауамызт, аха арҭ рыбжьара иҟаз еилылкааит. Марҭа лхы
налықәылкын, абас даацәажәеит:
– Дызлабзыҟои, бзацәажәо?
– Саб иаҳәшьа лоуп, – лҳәеит Марҭа аԥҳәыс дылҿаԥшуа.
– Бахьыҟоу абыкәу, бызхаҟоузеи уа? – дҵааит амҩалаҩ.
– Сан лҿоуп сахьыҟоу? Саб дкажьны, сара саныхәыҷыз,
Литваҟа саалган, уа слааӡеит. Хаҵагьы дцеит. Саб сан
хаҵа дызцаз анидыр, иаргьы ԥҳәыс дааигеит. Ҩыџьа
сашьцәа ыҟоуп. Сара саби сашьцәеи ахьыҟоу, сыҟазар
сҭахуп. Ауаҩы иԥсадгьыл аҿы дыҟазар акәӡами? – Марҭа
илацәажәоз аԥҳәыс лахь азҵаара ҟалҵеит.
– Быԥсадгьыл ибзааигәоу ахьынхо ауми? Нас бан
лаҟара ибзааигәада бара?
– Иашоуп, сан зегь реиҳа дысзааигәоуп, аха сабгьы
дысцәыхараӡам. Ара сара исзааигәаны инхо сан лымала
лоуп. Аԥсадгьыл захьӡу, ауаҩы дахьиз, дахьааӡаз, иуацәа
ахьиз, иахьааӡаз, дызхылҵыз иабшьҭра анышә иахьамадоу ауп. Уи ҳара ашкол аҿы ҳахысхьеит, издыруеит.
Аԥсноуп сара сыԥсадгьыл. – Амҩалаҩ дылҿагыланы
ацәажәара даҿын Марҭа.
– Иахцалак, бҵаар акәын, бахьнеиуа, бырҭахымхар,
ишԥабуеи? – Амҩалаҩ Марҭа дышиашам леиллыркаауан.
– Аӡәы симбаргьы, аӡәы сибап. Сара исзааигәоу сзырҭаху здыруеит. Издыруада, шәара ишышәҳәаз еиԥш, зегьы сырҭахымхар, иҟасҵо сара издыруеит…
– Ус бымцәажәан, Марҭа. Ҳара ҳнапы бықәыргылан
баабоит, аха бани бабԥсеи ҳаргәааит. Иабаҭахыз урҭ
рыргәаара. Сара саннеи, ишсԥылаз, пату шсықәырҵаз,
бымбаӡеи? Ушьҭа, ҳаԥҳа дӷьычны дылгеит ҳәа амилициацәа ҩеир, ирасҳәои сара? Бымшала сҭаркыргьы
алымшаӡои?
– Амилициацәа ҩеир, ирасҳәо сара издыруеит, –
лҳәеит Марҭа, лҽаарӷәӷәашәа.
Аҵыхәтәан, Ҭина ус лҳәеит:
– Адәыӷба ахьаангыло, ҳлыбаап, ҳгьежьны ҳцап.
Ираҳҳәап. Ус еиҳа еиӷьуп.
– Мамоу, Ҭина, ибҭахызар, бара бгьежьы, сара Аԥсныҟа
сцоит, – лҳәан, иаҿаршәны илҳәац лҳәон, Марҭа.
– Ус акәзар сҭаркыргьы сҭаркааит, бызгоит, аха аблеҭ
бымаӡам. Адәыӷба банақәтәоз «Саб иаҳәшьа лҭыԥ аҿы
днаганы саауеит» ҳәа ауп амҩаԥгаҩ ишиабҳәаз, сцаны сиацәажәап, иуазар, ҟәрышьқәак исҭоит» – лҳәан,
Ҭина дҩагыланы акәупе дындәылҵт. Амҩалаҩи Марҭеи
ааизынхеит. Адәыӷба ықәҳа Аԥсынҟа ацара иаҿуп.
Ҿымҭроуп акәупе аҩнуҵаҟа иҟоу. Ус амҩалаҩ аҭынчра
еилаго даацәажәеит:
– Ишԥашәԥсыхәоу, амҩаԥгаҩ бгара мап ацәикыр?
Марҭа ҿылымҭӡеит. Адәыӷба шцац ицоит.
– Ус сҳәеит, аха бымшәан, аблеҭ ахә аҵкьыс инеиҳаны
аштраф шәымырхуеит ауп, былбааганы бкарыжьуам
усгьы. Иахьцалак, бцоит быԥсадгьыл ахь. Шәахьнеиша
шәаннеилак, амилициацәа ҩеиуеит, бани бабԥсеи уахь
адырра ҟарҵашт. Амилициацәа раԥхьа бара бакәхоит
изызҵаауа. Аиаша бымҳәар, усҟан баб иаҳәшьа дҭабкит
ауп. Убас лусқәа цәгьахоит. Аиаша бҳәар акгьы лыхьуам.
Саргьы сшәыцхраауеит, шаҳаҭра шәзызуеит. Баҳәшьаду
дааир, ҳадресқәа еимаадап, – лҳәеит.
– Ибзиуоп, ҳадресқәа еимаадап, аха сара исҳәо,
сара издыруеит. Саҳәшьаду ишылхарасымтәуа агәра
шәсыргоит. Уи азы шәгәы шәырҭынч.
Абас Марҭеи амҩалаҩи шеицәажәоз, Ҭина дааит
амҩаԥгаҩ иҿынтә. «Амҩаԥагаҩ ииҳәазеи» ҳәа Марҭа
игәаӷьны дзымҵааит.
– Нас амҩаԥгаҩ ииҳәазеи? – Амҩалаҩ дҵааит Ҭина
лахь лхы нарханы.
– Ииҳәахуеи? Аревизор иамҳәакәа ҟәрышьқәак исҭап
ҳәа салаган, аха имуит. Аревизор дыԥшааны ианиаиҳәа,
ахынтәхә сиршәеит, штраф ҳасабла.
– Аштраф злаибҭаз акәтанциа биҭоу? – дҵааит, амҩалаҩ.
– Ааи, исиҭеит, – аҭак ҟалҵеит Ҭина.
– Ибмырӡын, уи акәтанциа. Аҩны шәнеиаанӡа амилициацәа ҩеир алшоит. Акәтанциа дбырбар, џьара
ибыхәозар ббап, бара бааиаанӡа Марҭа иласҳәон, амилициацәа анҩеиуа, аиаша лҳәароуп. Садрес шәысҭоит,
адырра сышәҭар, сара шаҳаҭра шәзызуеит. Шәачоуп сахьынхо, – лҳәан, лԥараҭра аҿы аалыртын, иԥшӡаӡа адаҷ
хәыҷы ацырҳәаны ҩыгаки блокнотки ааҭылган, аблокнот
бӷьыцк аанжәаны, ладрес анҵаны Ҭина иныллыркит.
– Ҳаибадыруазааит, саргьы Гәдоуҭатәуп, – лҳәан,
лҩыгеи лблакноти аалымылхын, абӷьыц ладрес анҵаны, лыблокнот ыргьежьны, шьҭахьла иналлыркит.
Аимҩалаҩцәа аицәажәара иаҿуп. Адәыӷба ықәҳа ацара
иаҿуп.
Аимҩалаҩцәа амла ианаклак акы инацҳауеит, ӡык
инахәоит. Акыр иныҟәеит. Акырынтә ицәеит, акырынтә
иааԥшит. Абар, иааит Шәача. Рымҩалаҩ лымаҭәеилҩыҭәеи дааидкыланы, аԥсшәа лаҳәаны днаурыжьит.
Дара амҩа инықәлахт. Дара аицәажәара иаҿуп. Ицәеит,
иааԥшит Адәыӷба ықәҳа ацара иаҿуп.
– Марҭа, ушьҭа ацәара ҟалаӡом. Ҳацәар ҳавнагар алшоит. Гагра ҳааины ҳаҟоуп, маҷк ауп иҳагу, – лҳәеит,
Ҭина. Уаҳа ицәом, аицәажәара иаҿуп. Адәыӷба ықәҳа
ацара иаҿуп. «Маҷк ауп ибжьоу, ушьҭа ҳааит лымҳәази,
ишԥахароу?» – ҳәа Марҭа дхәыцуеит. Нас Марҭа лаҳәшьадуи лареи аицәажәара иналагоит. Аицәажәара иаҿуп.
Адәыӷба ықәҳа ацара иаҿуп.
– Бгыл, Марҭа, ушьҭа ҳааит, ҳҽеидаҳкылап. Уажәы
иахьаангыло ауп Гәдоуҭа, – лҳәеит Ҭина. Рсумкақәа
аашьҭырхын алыбаарҭа ашә аԥхьа атамбур инықәгылт.
Аицәажәара иаҿуп. Адәыӷба ықәҳа ацара иаҿуп.
– Ишҧахароу? – лҳәоит, Марҭа.
– Ушьҭа иааигәоуп, – лҳәоит Ҭина. Ацәажәара иаҟәыҵит. Адәыӷба ықәҳа ацара иаҿуп, аха изнеиуам.
Адәыӷба иҵегь иццакыр рҭахуп, аха уаҳа изыццакуам.
иара ус Гәдоуҭатәи авокзал иаадгылт. Иаагәырҕьеит
Ҭинеи Марҭеи. Еиҳа дгәырӷьеит Марҭа. Адәыӷба иллыба-
аит. Марҭа лыԥсадгьыл лшьапы нықәлыргылт. Дааччеит,
нас даақәԥсычҳаит. Аԥснытәи аҳауа цқьа иллыбаалдаз,
лцәа-лжьы иалаланы дааимнадеит. Даҽак ала лшьа аусура иналагазшәа лбеит, мҵәыжәҩада дыԥрышашәа лхы
лбо дааҟалеит. Ҭина Гәдоуҭа дынхоит, аха уажәы уахь
дымнеиӡакәа ақыҭахь дылгарц иақәылкит. Авокзал аҿы
иахьыллыбааҵәҟьо атаксиқәа уауеит. Уа илеин, иааԥшит
Ҭинеи Марҭеи. Атаксиқәа ахьаангылоз, зегь раԥхьа дара
леит. Урҭ ирышьҭаланы илеиқәаз рацәаҩуп. Раԥхьа иааиз атакси дара ҩақәтәан, иахьцоз анырҳәа, иаақәҵәин,
иахьырҳәаз, ақыҭахь аҿыҩанахеит.
Харак имгакәа Ҭинеи Марҭеи Захар игәашә илагылан.
Аагаԥса наирҭан, иллыбааит. Атаксигьы ықәланы ицеит.
Ахәбатәи ахы
Марҭа лаб иҩны дыҟаижьҭеи мчыбжьык изынаҧшуеит. Макьана агәара дықәҵны џьаргьы дымцаӡацызт.
Кәасҭа ихы, ихшаара, Џыр, Мина зегьы ҭаацәала Захар
«исасцәоуп». Агәылацәа ракәзар, уа иштәоу итәаӡоуп.
Марҭа лаара зегьы еигәырӷьоит, рызхара дрызбом.
Џьоукы цеит шуҳәо, даҽа џьоукы аауеит. Захар иԥшәма
ԥҳәыс дықәгьежьаауа «лысасцәеи», ицо-иаауа ибжьоу,
ргәылацәеи рхәы ақәыргылареи ақәхреи дырҿуп. Уи ус
дыҟан, лаб иҩны даныҟазгьы – ара дахьааизгьы. Лхаан
гәамҵра ззымдыруаз ԥҳәысын.
Марҭеи лареи анааиқәшәа инаркны, бзиа еибабо,
пату еиқәырҵо, иалагеит. «Сыҷкәынцәа раҳәшьа лоуми, пату лықәсҵар, саргьы исықәылҵоит, сыԥҳа леиԥш
дызбалап» ҳәа дхәыцуан Света. «Ушьҭа анацәа ҩыџьа
сымоуп сызхылҵҵәҟьаз сан Литва дыҟоуп, аха уахь сан
дызбаразы сымцалозар, зынӡа ҳәа уахь сара сцом. Аԥсны
сыҟазароуп, Аԥсны сыԥсыроуп. Ус анакәха, санҵәҟьа
лаҵкьыс Света пату лықәсҵалароуп. Уи дызлазбо ала
апатуқәҵара даԥсоуп», ҳәа дхәыцуан Марҭагьы. Агәылацәа ракәзар, «ани аԥҳаи реиԥш, пату еиқәырҵо иҟаландаз» ҳәа акәын гәаныла ирҳәоз.
Минагьы арҭ рпатуеиқәҵашьа даара лгәы иаахәон.
Ус акәымкәа, еинымаало иҟаларгьы, Марҭа лара лыԥсы даҵаҵаны дылбон, аха лаб иҩны дыҟазар, еиҳа
еиӷьалшьон. Усҟан, абзҳәацәа, ҩ-лак еибазырфогьы,
ирҳәо рмауа иқәхон.
Марҭа лаб иҩны дааижьҭеи Џыри Кәасҭеи рыҩны
дымнеицызт. Лаб иҩнгьы лара лыхьӡала, ҷыдала лхәы
ҟаҵаны, ҭаацәашәала имеидтәалацызт. Иахьа уаҵәы
шырҳәоз, русқәа ирхамшәалакәа иахьанӡа иааит. Иахьа
ашьыбжьон еиԥш, астол еиҵҳәа ду иахатәаны акрыфаны ианаалга, ашьашәыр аҿы илатәеит. Ажәақәа неимдаааимдо, еицәажәо. Ус акыр итәан, нас Марҭа даацәажәан,
ус лҳәеит:
– Сыҩны-сгәара зегьы сызхара избеит. Кәасҭеи Џыри
рынхарҭақәа сынрықәԥшырц даара сгәы азыҳәоит.
Уи ашьҭахь, саныхәыҷыз, Џыр аԥсабарахь сахьигалоз,
ашәҭқәа сгәыдыҳәҳәала иҟәшәаны, иахьаагалоз, рбара
даара сазхьаауеит.
Света ҳхәыҟаҵара дшаҿыз амцхә дҳарааԥсацәеит.
Уаха сара уаххьафарахь шәнасԥхьоит, – лҳәеит Мина.
Уаҵәауха, хәыҷыкгьы ихароуп, аха Лиолиа ҳабҭоуп,
– лҳәеит. Лиолиа ҳәа Мина иззылҳәоз, лҭаца еиҳаба
лакәын, лԥа еиҳаба Кәасҭа иԥҳәыс.
– Уаха сара шәызгап ҳәа акәын, аха ушьҭа исҳәозеи,
еиҳабак илҳәаз шәаҳауеит. Уаҵәауха сара шәысҭоуп, –
лҳәеит Лиолиа.
– Ҳаанӡа нанду ҳхәы ҟалҵоит. Џыр ара дыҟоуп. Ализеи Раулии, Анжелеи ара шәыҟоуп, шәаала аԥсабарахь
ныҟәара ҳцап, заҟа игәхьаазго жәдыруандаз, – лҳәеит,
Марҭа.
– Ҳцап, ҳныҟәаны ҳанааилак, еиҳагьы акрыфара
ҳгәаԥхо ҳҟалоит. Шәанду ишәызлырхиашагьы анцәа
идырп, – иҳәеит, Џыр.
– Аԥсабарахь ныҟәара ҳга, – рҳәан, ахәыҷқәа зегьы
Џыр аҳәара ирҭеит.
– Ибзиоуп, аԥсабарахь ныҟәара шәзызымгои, –
иҳәан, ахәыҷқәа иҟарҵаз аҳәара дазыразхеит Џыр.
Џыр дазыразхашәа анырба, аҽеиқәыршәара иалагеит.
Минуҭқәак рышьҭахь:
– Ҳаиқәшәоуп, уаала, – рҳәан, иааины Џыр дахьтәаз
иааихагылт. Зегьы макәанк-макәанк ркуп.
– Ибзиоуп нас, – иҳәан, ахәыҷқәа ирҳәаз дазыразхан,
дцарц дҩагылеит. Ахәыҷқәа ааикәшеит.
– Ахьамҽыҕқәа акаԥсара иалагазар ахәҭоуп, – рҳәеит
дара.
– Сан, ҳара ҳцеит. Арҭ ирҳәаз рҳәеит, срымгар руам.
Ҳаҩнала ҳааиуеит. Ҳанаауа ахьагьы аагоит, – иҳәан,
иҿынеихеит. Ахәыҷқәагьы уи инаишьҭалеит. Агәашә
ианынҭыҵ, амҩаду инангылеит. Амҩаду ианыланы
хышәҟа метра ицеит. Нас иааҳәны иахьылҭалаз, Џыр дахьынхоз акәын. Џыр игәашә инавсны, иуҭра азганк ала
хылаӷьараны иахьыҟаз, илҭалеит. Ишиашаз акәараҿы
илкылсит. Усҟан, ҭагалара аналагамҭа акәын. Аӡәыкҩыџьакгьы аџьықәреиқәагьы рҿыхрақәа иналагахьан.
Рҽышәаны анхацәа аҟәыд аҿыхра акәын изҿыз.
Аҵлақәа рымахәқәа ирҿаз рбыӷьқәагьы еилшәшәаааилшәшәон. Шықәсқәак раԥхьа ныҟәара дахьаалоз,
аҵлақәа рыхьӡқәа Марҭа Џыр иахьлеиҳәалоз, иааины
игылоуп. Марҭа даазҵагылаз, аҵлақәа дрыхәаԥшуеит,
шықәсқәак рышьҭахь изаҟараз аҵкьыс изеиҳахаз гәалҭоит. Ашәҭқәа рҟәшәоит. Ус ишҩеиуаз, жәабаҟа метра
аҳаракыра аманы, аӡы лбааҽҽо иахьлеиуаз, инаҵагылеит.
Уи аган аҿы амардуан асахьа аҭаны, аџь ду иаҿагылаз
адац ала акырынтә Џыри Марҭеи ара иқәнахьан?
Уажәгьы дықәнарц лҭаххеит. Ара дахьыҩқәногьы
кәароуп иҟоу. Аха лахьхьынтәи изҭаланы иаауаз акәара
аҵкьыс, иҭбаауп. Аӡыхь бзиагьы ыҵҵуеит араҟа. Ара
иҵҵуа аӡоуп, адацқәа ирхьынҳаланы иахьықәноз, аӡхыҽҽарагьы ҟазҵаз. Иара аҵкьыс еиҵақәоу акәараҷҷақәа
нацла-аацло, жәытә-аахыс илеиуа аӡышьҭрагьы ҭӷәыхаа иҟазҵаз. Ара, ари аӡыхь ахьыҵҵуа абахә ашьапы
ҩбаҟа метра иҳаракыроуп. Амҩа ырнааны иаҿгоуп.
Уи амҩа уаныланы, хыхь уанҩықәлалак, гектарк аҟара
ҟьаҟьароуп. Ашәаԥыџьаԥ рацәаны игылоуп. Урҭ ирылагылоуп ахьақәа рацәаны. Ахьақәа уажәоуп аҟалара
ианаҿу, аха ирацәаны иахьыҟоу аҟнытә, сааҭкгьы
иадымхалакәа, ирымаз рмакәанқәа зегьы дырҭәит. Абас
ала аԥсабарагьы рбеит, ахьагьы рыҟәшәеит. Иҵегь аҩада
ицашазаргьы, ашәаԥыџьаԥра ара инҵәоит. Ахахьы иҟоу
дәқәоуп, ҳәсҭақәоуп. Уажәы, иеицыз зегьы латәан, рыԥсы
ршьеит. Џыр фархьқәак ааидикылан, амца еиқәиҵеит.
Амца анеиқәиҵа ашьҭахь, ишәпақәаз амҿҩақәа ԥшааны, иааиган, амца инақәиҵеит. Ахьа цырақәа амца
инҽҳәаԥсо, иӡны афара иналагеит. Рызхарақәа ахьа рфеит, рыԥсгьы ршьеит. Амца иақәыз амҿқәа, маҷ-саҷқәак
ракәымзар, ибылхьан. Џыр амҿқәа иаанхаз, ахәышҭаара
иааҽҳәыхны, еидкьымсло илышьҭаҵаны даӷрагыланы
ирԥсит. Ушьҭа машәырк аҟалара дацәшәо ҳәа дыҟамызт Џыр. Ахьа ирҟәшәақәаз зҭақәаз рмакәзанқәа
аашьҭырхын, излааз ала рҿынархеит. Хԥа-ԥшьба сааҭ
инареиҳаны арҭ акәарахь иҟан. Аҳауа цқьа ирфази, аҭыԥ
ԥшӡарақәа ирбази агәалаҟазаара бзиа рнаҭан, игьежьны
ианаауаз аҵкьыс, зегьы, еиҳа алахҿыхра рҿықәны акәын
ишыҟаз. Инеицәхас-ааицәхасуа, ихәмаруа иаауан.
Џыргьы урҭ раԥхьа дгылан. Ирзымдыруаз аҵлақәеи
аҵиаақәеи, ашәҭқәеи уҳәа рыхьӡқәа реиҳәон. Қәралеи
дырралеи урҭ дреиҳан, аха дара драҟароушәа дрыцын,
иашьцәа рхәыҷқәа. Ус, ажьа ахьыҵҟьаз иаауеит ҳәа, излааз ала амҩа ишықәыз, Џыр инхарҭа акалҭ иаадгылт.
Агәара ала имнеикәа, Џыр ибаҳча акалҭ аҿы ахҵысҭа
аман. Уи ахҵысҭа инхыҵын, ибаҳча иныҵалеит.
Марҭа зегьы гәцаракны дрыхәаԥушан. Лара даныхәыҷыз, зышқәсан лан Литваҟа дылгаз ашықәсан иеиҭеиҳаз ишәыр шьапқәа заҟа иазҳаз дреигәырӷьаны
дрыхәаԥшуан. Уамашәа илбон шаҟа ирызҳаз.
Ус абаҳчара иҩыҵсын, агәашә хәыҷы иҿаз аартны
Џыр игәара иааҭалеит. Агәара рацәак иҭбаамызт, аха
иахьыҟаз, аԥшӡара иакны иаго акәын ишыҟаз. Ауарҳал
иаҵәа каршәушәа ииаҵәаӡа иҟан. Агәара зегьы цқьан.
Иатәымз акы џьара икаршәны иубомызт. Џыр ахәыҷқәа
ицны, агәара ианааҭала «уаҟьан-чаҟьан» ҳәа рбыжьқәа
анаага, Мина амаҵурҭа дааҩныҵын, ацәыкәбар дааҵашылт.
– Шәара шәоума, шәанду дшәыкәыхшааит, – лҳәан,
лмоҭацәа даареигәырӷьан, лаԥшы хаала даарылаԥшит
Мина.
– Нанду, Џыргьы бмаҭа иоума? – лҳәеит Марҭа дыччо,
ланду алаф аалылхны.
– Уи сыҷкәын иоуми, иан дикәыхшааит, – лҳәеит,
Мина, лыҷкәын диеигәырӷьо. Ахәыҷқәа зегьы ааибарччеит.
– Сан, ҳанцоз ишаҳҳәаз еиԥш, ҳхәы бырхиазар акәхап,
ҳаззегь амла ҳаԥсуа ҳааит. Ахьа аӡа, ахьа ҷиа ҳфеит, аха
иаҳмыхәеит. Иаҳҟәшәаз ббоу? Ахьақәа макьана ҽеишәа
иҟамлацызт, уажәоуп, анеилшәшәа-ааилшәшәара ианаҿу, аха имаҷымкәа ирыҵажьуп.
– Ахьа ус ирацәазар, аӡынрагьы ӷәӷәахоит. Ус рҳәон
ажәытә уаа. Асы рацәаны илеир ҟалап. Аамҭа алԥха зауша, нан, – шәыхәгьы хиоуп, аха зегьы ҳаиқәымшәакәа
атәара азин шәысҭом. Сыҷкәынцәеи смаҭацәеи зегьы
ааироуп. Изларҳәо ала урҭгьы шьҭа рацәак инхашам,
иааиуеит. Шәаргьы ашьашәыр аҿы маҷк шәаатәақәа,
шәыԥсқәа ааиҭашәкы, – лҳәеит, Мина.
– Аиеи, аха, – иҳәеит, Џыр игәы мнаӡо.
– Нанду, сара амла сзычҳаӡуам, егьырҭ изабҳәо, сара
срыламзааит. Ус ауми? – лҳәеит Марҭа, дыхәмаршәа.
– Бзиоуп, банду дбыкәыхшоуп, бзиоуп. Бара бзоуми
зегьы зыҟасҵа, бахызбаауада? Аха зегь ааип ҳәа акәын.
Уаҵәы ауха Лиолиа ҳхәы ҟалҵоит. Уи илбароуп сара
иҟасҵаз, мамзар, бара баҵкьыс сара рхәы ҟасҵеит ҳәа
лҳәар ҳәа сшәоит, – лҳәеит, Мина дыччо, лыҷкәынцәеи
лмаҭацәеи дреигәырӷьо, алаф рыхҳәаауа. Ус ишцәажәоз,
агәашә ахь данԥшы:
– Абан, иахьаауа, сызкәыхшаша, абан. Зегь мазеиуп.
Дара шааилак еиԥш, ҳбысҭа аанаҳҵоит. Нас ҳлатәоит
ауп, сшәыкәыхшааит. Амала, Лиолиа иаалмырбакәа
шәсыртәом, – лҳәахт, дыхәмаруа. Мина лыҷкәынцәеи
лмоҭацәеи лҭацацәеи еицырхашьшьы агәара иааҭалт.
Иааины иаарыдгылт Минеи Џыри ахәыҷқәа рыцны
иахьгылаз.
– Шәара шәтәы сыздыруам, аха Џыр икомандеи
иареи даара амла иакуа иҟоуп, иахьак акәара иҭоуп
ныҟәара ҳәа ицан. Ахьагьы рацәаны ирҟәшәеит. Шәара
шәааиаанӡа исыртәон, аха ушьҭан Лиолиа слеицәахар
ҳәа сшәоит. Иҟасҵаз даахәаԥшыр сҭахуп, – лҳәеит, Мина
дгәырӷьаҵәа, дыхәмаруа, Лиолиа лахь дыԥшуа.
– Иаабап, аха сара шәара сызшәацлабуам, шәеиҳабуп,
шәсырԥхашьом, – лҳәеит, Лиолиагьы дгәырӷьаҵәа.
– Шәааи, шәнапқәа шәыӡәӡәа, сара абысҭа анҵара салагоит, – лҳәан, Мина амаҵурҭахь лҿыналхауаны еиԥш,
ргәашә машьынак аадгылеит. Уи зегьы раԥхьа Мина
лылаԥш нақәшәеит. Мина агәараҿы, зегь ахьеидгылаз
дааин, даарылагылеит. Кәасҭеи, Захари, Џыри агәашә
ахь рҿынархеит. Агәашә иадгылаз амашьына иааҭыҵит
ҩыџьа ахацәа, милициа маҭәала иеилаҳәаз. Арҭ ахацәа
амашьына ишааҭыҵыз еиԥш, агәашә аартны, агәара
иааҭалеит. Аԥшәмацәеи асасцәеи агәара агәҭаны
иааиқәшәеит.
– Бзиала шәаабеит, – иҳәан, раԥхьа Кәасҭа днарԥылан,
рнапқәа аарымихит. Нас Захари Џыри асасцәа рнапқәа
аарымырхит. Урҭгьы аԥшәмацәа ишыруалу еиԥш, «бзиала шәаабеит», – рҳәан.
– Бзиара жәбааит, бзиара жәбааит, – рҳәеит асасцәагьы.
– Шәааи арахь, – иҳәан, Кәасҭа дааҳәын, аҩныҟа ихы
рханы иҿынеихеит.
– Уахь ҳнеиуам ҳҳәом, ҳнеиразоуп, ҳхы азкны
ҳзааз. Ус еилкаатәык ҳамоуп, еилаҳкаароуп. Амала, заа
ишәаҳҳәоит, шәзыцәшәо ҳәа акгьы шыҟамло, ҳазхааз,
шәара шәцәа иалашәахьазаргьы ҟалап, аха ҳара ҳашәԥырхагахом. Излеилаҳкаахьоу ала, аус ҟалоит шәара
ишышәҭаху еиԥш, – иҳәеит, амилициацәа руаӡәы.
– Аа, ахәыҷы лзы акәзар, абар ларгьы дахьгылоу,
шәлацәажәа, – иҳәеит Џыр амилициацәа ихы нарықәикын.
– Шәхәыҷы даазгаз, шәаҳәшьа ҳлацәажәахьеит. Уи
ишылҳәо ҵабыргызар, шәызцәшәо ҳәа акгьы ыҟам,
иагьыҟалом. Ҳаргьы ҳаԥсыуаауп, иаҳҳәашагьы шԥаҳзымдыруеи? – иҳәеит, егьи амилиционер. Минагьы днарԥылан иаагәыдылкылеит асасцәа.
– Ахәыҷы лзы акәзаап шәзааз, шәлацәажәа, нан, аха
иахьак аҩны иҟамызт, «саныхәыҷыз, ашәҭқәа ахьысҟәшәалоз, аҭыԥқәа гәхьаазгоит, сыжәгароуп, – лҳәан,
иахьак акәара иҭоуп. Ҩымз ирзынаҧшуеит дааижьҭеи,
нан, аха аҩныҟа даҳзаамгацызт. Иахьа, схәыҷқәа зегьы ааидкыланы рхәы ҟасҵан, аишәа рхианы игылоуп.
Абысҭа анҵарахьы сҿынасхуаны еиԥш, шәара шәанызба
саангылеит. Уажәы снеины, сбысҭа аанысҵоит. Шәара
шәнапқәа ӡык нарықәшәҭәа, – лҳәан, лҿыналхеит.
– Ди, шәыххьа згеит, зны ҳаззааз еилаҳкаароуп, насгьы ҳара аус аауеит, ачеиџьыка ашҟа ус ҳамаӡам, – иҳәеит
уаанӡа ицәажәоз амилиционер.
– Бзиоуп, уажәтәиала ачеиџьыка аӡбахә ҳҳәом. Иззааиз
рус аҭыԥ иқәырҵааит. Уи ауп актәи азҵаара. Ачеиџьыка,
уажәы ҳҭагылазаашьақәа зеиԥшрақәоу рыла, аҩбатәи
зҵаарахоит. Уи, нас ҳахәаԥшып. Сан, абысҭа анҵара бахымццакын, – иҳәан Кәасҭа ибжьы Мина иналхьигӡеит.
Амилициа ахәыҷқәа ианаарыдгыла рнапқәа аанкыло,
аԥсшәақәа рарҳәеит.
– Шаҟа иҭыԥ ԥшӡароузеи, шәахьынхо? Ашьхақәа
шәрықәԥшуа, амшын агәы шәхыԥшыло, – иҳәан, аԥсабара изхара изымбо, днаԥшы-ааԥшуан ицәажәац амилиционер.
– Уи ауми ишԥаԥшӡараҵәҟьоу, – иҳәеит, уаанӡа ҿызымҭуаз, амилиционергьы.
Мина асасцәа шааиз анылба, акәты аца аҵаҟа иҭакны
илымаз ааҭылган, азҿымҭыртә амҵәыжәҩақәеи ахәцәи
еидкыланы ишылкыз ааҵрантә лыбжьы аалыргеит:
– Џыр, аранӡа уааишь. – Џыр иан лыбжьы ахьгаз днеит. Акәти аҳәызбеи еидкыланы илкуп Мина.
– Абри сзушьроуп. Ԥхашьароуп, исасцәоуп, дара рзы
ҷыдак ҟамҵакәа.
– Ибзиоуп, – иҳәан, Мина лыкәти лаҳәызбеи аалымихын, ахәда хҵәаны илкаиршәит. Зыхәда хиҵәаз
акәты акыр аԥара иаҿын, аха, нас, ашьапқәа ааиҵнахын,
аҽааиқәнакит.
Мина еснагь ҩба-хԥа кәты ашьразы иҭакны илыман. Шәишәиума, кәтума жәохә, ҩажәамш иҭалымккәа
илшьӡуамызт. Асас данааиуа, акәты акра дашьҭаломызт.
Адәы ишықәу акәты аанкыланы, илшьуамызт, ус ашьра
ихәымгоуп ҳәа илԥхьаӡон. Џыр акәты анишь агәарахь
днеит.
– Столк ахьгылоу, уадак ҳашәҭ, ахәыҷы лҿахәы илҿаҳхуа, ааҩыроуп, – иҳәеит амилиционер.
– Аа, шәааи арахь, – иҳәан, Џыр дынраԥысын иҿынеихеит. Амилиционерцәагьы уи инаишьҭалеит.
– Ауада шәакуазар, адуқәа шәааир ҟалоит, – иҳәахт,
ицәажәац амилиционер.
– Џыр дыҟами, иазхоит. Шәара шәаԥсыуаауп, ҳара
ҳаԥсыуаауп, ҳагәра еибамго ҳаҟоума? Лара илҳәо ауп
ианышәҵо, ҳара ҳабаҭаху, – иҳәеит Кәасҭа.
– Шәлеи шәыххьа згеит, – иҳәан, абарҵа иахьыҩқәназ,
раԥхьатәи ауада ашә ааиртын, илеирц нарабжьигеит
Џыр.
– Уара уаԥшәымоуп, уаԥхьа ҳашԥалеиуеи? – рҳәеит
амилиционерцәа рыҩџьагьы.
– Ибзиоуп, нас, слеип, – иҳәан, Џыр ауада дныҩналт.
Даргьы уи ишьҭаланы иныҩналт. Урҭ рашьҭахь дныҩналеит Марҭа. Ауада агәҭаны астол гьежь гылоуп,
аскамқәа аваӷӷаа иадгылоуп. Ауада ҷыгәӡа еилырганы, иахәҭоу аҩнымаҭәа ҩнаргыланы, ицқьакәакәараӡа
иҟоуп. Аскамқәа иаарыхан, астол иакәшаны илатәеит,
Марҭа лыда. Марҭа ус дышгылац дгылоуп. Минуҭк аҟара
ҿымҭӡакәа итәан, нас амилиционер даацәажәан:
– Аԥсшәа лдыруоу? – амилиционер Џыр диазҵааит.
– Аԥсшәа ҳзымдыркәа, саԥсыуами, – аҭак ааҟалҵеит
Марҭа, Џыр аҭак имырҟаҵакәа.
– Ара бааины блатәеишь, ак басҳәақәар сҭахуп. – Марҭа
дахьгылаз дааиҭаҵын, илацәажәоз иахь шьаҿақәак
ааҟалҵан:
– Сышәзыӡырҩуеит, ишәҭаху шәҳәа, – лҳәеит.
– Зны блатәа, – иҳәахт, илацәажәоз амилиционер.
– Сара сышԥатәои, шәара шәҿаԥхьа? Ус сыхәҭоума,
мамзаргьы?
– Ус акәзар, ибзиоуп. Бара баԥсыуа ҭыԥҳа цқьазаап.
Марҭа сара ибысҭо азҵаарақәа ииашаны рҭак ҟаҵала. Ус
иҟабҵар, бара ишыбҭаху бус еилҳаргоит.
– Сара ишысҭаху сусқәа ҟамлакәа, нас даҽаӡәы ишиҭаху аума сара сусқәа шыҟало?
– Уи ҳаҟәыҵп. Шәанбааи, Литвантәи?
– Ҩымз ирықәуп.
– Зҿы быҟадаз?
– Сани сареи раԥхьа санду лҿы ҳаҟан. Нас сан хаҵа
данца, сабԥса иҿы сыҟан.
– Бгәы ндырхахьазма, бани бабԥсеи?
– Сдунеи ахаангьы.
– Нас Литвантәи арахь баазгада?
– Саҳәшьаду Ҭина саалгеит
– Уи шԥаҟалеи?
– Уи шыҟалаз абас ауп. Саб иаҳәшьа, ҳара ҳҿы дааит. Мышқәак дыҟан. Данаауаз, сани саби днаскьаргартә
еиԥш, рҭагылазаашьа ҟамлеит. Ԥсрак ахь имцар
ҟаломызт, ицеит. Саб иаҳәшьа Ҭина лынаскьагара сара
азин сырҭеит. Авокзал аҿынӡа слыццеит. Адәыӷба анааи, «бҭыԥ аҿы бнаганы бынҭасыртәароуп», – сҳәан,
ҳаицхырааны лымаҭәақәа ҳаманы акәупе аҿы ҳнеит.
Адәыӷба ацамҭаз, аԥсшәақәа ааибаҳҳәан, слыбаарц
сҿынасхеит. Сҿынасхеит, аха лара слымбаӡакәа, ашьашьма сҭаланы ашә асыркит. Адәыӷба дәықәлеит. Хыџьара
раҟара иаангылахьаны еиԥш, Ҭина дахьыҟаз акәупе ашә
аартны слыҩнашылт. Ҭина санылба, уамашәа илбеит.
Дгәааит. Ашьҭахь исалҳәеит, раԥхьа адәыӷба ахьаангыло, ҳлыбааны Шиаулиаи авокзал аҿы сааныжьны, лара
даҽа дәыӷбак дҭаланы даарц, аблеҭ лауазар. Аблеҭ лмаур, ма Стефараа рҿы даангыларц, аблеҭ лауаанӡа, аха
уи сара изымуит. Акыр дсыдхалеит, дҵәыуит. «Бымшала сҭаркуеит», – лҳәеит, аха изымуит. Ҭина илҳәаз сара
ишызымуаз агәра анылга, амҩаԥгаҩ дылԥшаан, нас уи
длыманы аревизор иҿы дцан, дзықәшәаз лҳәеит, ԥыҭрак
анҵы, дааит.
– Илеиҳәазеи, аревизор?
– Ҭина изласалҳәаз ала иӷәӷәаны длацәҳазаап, абилеҭ
зыԥсаз аҵкьыс акырынтә еиҳаны аштраф лдыршәазаап.
– Нас бара ус ҟабымҵар Ҭина аштраф лиршәаӡомызт,
ус ауми?
– Ааи, усоуп.
– Нас изхарада?
– Сара исхароуп.
– Баб иаҳәшьа дҭаркыргьы бара бакәӡамзи изхараз?
– Ааи, саб иаҳәшьа Ҭина дҭаркыргьы сара сакәын изхараз, аха дызхаҭаркраны иҟоузеи?
– Бахьаалгаз азы.
– Сшаалгаз атәы шәасымҳәеи? Гәыбӷанк злалоуша ҳәа
иҟоузеи?
Ииашаны амилиционер, «Ҭина диашам» ҳәа ишәҳәартә еиԥш, имбеит. Нас Марҭа аара лыдиҵошәа
ацәажәара дналагеит:
– Ибзиоуп, Ҭина акгьы лхарамзааит, аха бара бан
дзыбҭахымхазеи?
– Изҳәада, сан дысҭахым ҳәа.
– Дыбҭахызар, бан лҿы быҟамзаауази, арахь бзааи?
– Сан, ларгьы лыԥсадгьыл лызкамыжьит. Уи азоуп, саб
дызилҵызгьы. Сара сыԥсадгьыл касыжьраны сзыҟоузеи?
Ауаҩы иԥсадгьыл аҿы диит, уа дынхароуп. Иаҭаххар ихгьы ақәиҵароуп.
– Ашәҟәы ҩны Шиулиаитәи аорган ахь иҳашьҭыроуп,
ианаҳҵозеи, уи ашәҟәы?
– Сан дысҭахуп, дкасыжьӡуам, сызҳар дызбалоит, аха
уаанӡа саб иҿы сыҟазаауеит. Сара сыԥсадгьыл сызкажьуам. Саб иаҳәшьа Ҭина гәыбӷан шәызлыҭаӡом. Избанзар,
сара исгәаԥханы, Аԥсныҟа сааит. Уи атәы шәасҳәахьеит,
ишшәасҳәаз еиԥш ижәҩы.
– Ибзиоуп, Марҭа, ишыбҳәаз еиԥш иааҩит, бнапы
анҵа, – иҳәан, лнапы ахьанылҵашаз лирбеит. Ииҩыз
дааԥхьан, иахьылирбаҵәҟьаз лнапы наҵалҩит. Марҭа
лнапы анаҵалҩы, амилиционер дааччан:
– Ибзиоуп, Марҭа, бхы бақәиҭуп, адәахьы бцар
ҟалоит.
– Иҭабуп, – лҳәан, Марҭа адәахьы дцеит. Дыҩны лҩызцәа «иҟаларызеишь» ҳәа иԥшны иахьтәаз, днеит. Џыр
ахышә дадгыланы дахьԥшуаз ибон, Марҭа лнапқәа ҟьо,
лҩызцәа акы шралҳәоз. Ҳәарада, уи иралҳәоз, амилиционери лареи реицәажәара атәы акәхарын.
– Илоуҳәараны иҟоузеи? Ишылҳәазҵәҟьа изҩит, –
иҳәеит амилиционер,Џыр дниҿаԥшын:
– Уи ауми, – иҳәеит Џыр, уаҳа ажәак ахымҳәаакәа.
– Уи ала Ҭина лус далҵит. Ушьҭа, уаҳа шәара шәзыцәшәо ҳәа акгьы ыҟам. Амала, ашшыԥхьыӡқәа алалҵар,
еиҭа еилыргатәхоит. Усҟангьы, уажәеиԥш аҭак ҟалҵар,
усҟан наунагӡа аӡӷаб шәара дышәтәхоит. Амала, аӡӷаб
лыгәшәымшәа шәҳәалароуп. Дахьынӡахәыҷу лан лахь
дшәымшьҭлароуп, дшәыцәхылхыр алшоит, – иҳәан амилиционер, дцарц дҩагылеит. Иҩагылеит уи иҩызагьы,
Џыргьы. Еицны индәылҵит. Арҭ рышьҭыбжь заҳаз Мина
амаҵурҭа даадәылҵын, даарыдгылт.
– Сшәыкәыхшааит, шәхәы мазеины иқәгылоуп, акы
шәнамыцҳакәа, фырџьанк мкыкәа шәоусыжьуам,– лҳәан,
ацара зҽазызкыз, раԥхьа днеины днарԥырагылеит.
– Ус шәышԥацои? Ус ҟалашьа амаӡам, – иҳәеит
Џыргьы.
– Ҳара аусура ҳәа ауп ара ҳшааиз, ҳаиҳабыра иаараҳар,
ҳпартбилеҭқәа ҳцәыӡуеит, – рҳәеит амилиционерцәа
рҩыџьагьы, хҭак еицҭадыршәызшәа.
– Уи зҳәо ҳәа ара аӡәгьы дшыҟам сара агәра шәсыргоит.
ианбыкәыз, аԥсуа ихьурӡы шхшьу, уи аҳаҭыр мбаӡакәа,
ламыс змоу аԥсуа хаҵа данцахьоу. Ижәдыруеит аԥсуа
игәараҭаҿ шәшыҟоу, – иҳәан Џыр иҽырӷәӷәаны аԥшәмара ааникылт.
– Ахьурӡы хшьны акәым, сыҷкәынцәа рыхҭӡак ааидкыланы, ирзааз раҳәшьа хәыҷы лыхьӡала шәишәи арбаӷьк
шьны астол ҳлахатәоны еиԥш ауп, шәара шәшааиз, шәус
аилыргара шәналагеит. Ҳара ҳхәы иҟаҳҵаз шәалазгӡом,
– сҳәан, арбаӷьк ахысшьалан, уигьы, чаԥаны иқәгылоуп.
нан дшәыкәыхшоуп, шәааироуп, – лҳәан, асасцәа анылк,
мап рзымҳәеит, иаагьежьны, иааҭгылеит. Анапырӡәӡәага
ахькнаҳаз, ахь рҿынархеит рыхҩыкгьы. Асасааирҭаҿ
рысасцәа рхәы ҟаҵаны иқәгылан. Раԥхьа Џыр инапы
ааиӡәӡәан, нас асасцәа рнапқәа аарӡәӡәеит. Асасааирҭа
илыҩналеит. Еибарԥшны, доусы иахьырҭыԥқәаз илатәеит. Амаҵурҭа аҿынтә ахәыҷқәа рышьҭыбжь ааҩуан.
– Шәара, ҭаацәала шәлеидтәалон, аха ҳара иҳамуит,
ҳашәԥырхагахеит, – рҳәеит асасцәа.
– Асас дԥырхаганы, аԥшәма изыҳәан дҟамлаӡацт. Асас
иааира, аԥшәма изыҳәан, игәадуроуп, – иҳәан, ишылатәаз
еиԥш, ҿаҵақәак рхәы ианаамырх, Џыр ифырџьан
аақәихын, дныҳәа-ныԥхьаны, ижәит. Асасцәагьы Џыр
ииҳәаз афырџьанқәа аақәырхын, иржәит, имццакӡакәа.
Џыр исасцәеи иареи, ихамырҟьаӡакәа рқьафқәа ҟарҵан,
аҩыжәра еимамкӡакәа иааидыҵит. Ахәыҷы лҿахәы
илҿырхыз Шиаулиаиҟа иршьҭуазар акәхап. Ахәыҷы
дызааиз ргәы ҭынчуп, уи лан дышрыцҳаршьогьы.
Ахәыҷы лан дыгәхьааганы, сымцар ҟалом ҳәа дгылар,
иҟа-рҵараны иҟази! Аха ус лымҳәеит ахәыҷы. Сангьы
дысҭахуп, аха сыԥсадгьыл сызкажьуам, – лҳәеит. Лызҳар
лангьы дылбалап, уи мап ацәызкуада? Лыԥсадгьыл аҿы
дыҟоуп. Игәырӷьааит, иахьа, уи дыззааиз, ахҭаацәарак,
агәырӷьара рыгымхааит азҳара рауааит.
Афбатәи ахы
Марҭа Литвантәи аҩны данааи, иаразнак ала ашкол ахь дырзымшьҭӡеит Светеи Захари. Уи лбара ҳәа
акатаҳәа агәылацәа ааира иаҿын. Ашкол ахь Марҭа
дрызҩамгаӡакәа даанхеит. Насгьы урҭ раҧхьаҟа иҟалоз
рыздыруамызт. Марҭа лан дааины дылгозу, ма ара лаб
иҿы даанхозу. Мчыбжьык ашьҭахь ауп Света Марҭа
длыманы, ашкол ахь даннеи. Света Марҭа ашкол аҿы
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аамҭа цәгьақәа раан. - 22
  • Части
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 01
    Общее количество слов 3616
    Общее количество уникальных слов составляет 1944
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 02
    Общее количество слов 3620
    Общее количество уникальных слов составляет 1841
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 03
    Общее количество слов 3607
    Общее количество уникальных слов составляет 1900
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 04
    Общее количество слов 3647
    Общее количество уникальных слов составляет 1960
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 05
    Общее количество слов 3601
    Общее количество уникальных слов составляет 2010
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 06
    Общее количество слов 3561
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 07
    Общее количество слов 3536
    Общее количество уникальных слов составляет 1919
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 08
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 1837
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 09
    Общее количество слов 3531
    Общее количество уникальных слов составляет 1792
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 10
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1927
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 11
    Общее количество слов 3529
    Общее количество уникальных слов составляет 1942
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 12
    Общее количество слов 3495
    Общее количество уникальных слов составляет 2029
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 13
    Общее количество слов 3468
    Общее количество уникальных слов составляет 1764
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 14
    Общее количество слов 3469
    Общее количество уникальных слов составляет 1874
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 15
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1817
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 16
    Общее количество слов 3505
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 17
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 18
    Общее количество слов 3513
    Общее количество уникальных слов составляет 1846
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 19
    Общее количество слов 3596
    Общее количество уникальных слов составляет 2039
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 20
    Общее количество слов 3470
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 21
    Общее количество слов 3462
    Общее количество уникальных слов составляет 2017
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 22
    Общее количество слов 3535
    Общее количество уникальных слов составляет 1917
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 23
    Общее количество слов 3504
    Общее количество уникальных слов составляет 1870
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 24
    Общее количество слов 3559
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 25
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1892
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 26
    Общее количество слов 3502
    Общее количество уникальных слов составляет 1894
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 27
    Общее количество слов 3585
    Общее количество уникальных слов составляет 1881
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 28
    Общее количество слов 3579
    Общее количество уникальных слов составляет 1970
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 29
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1902
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 30
    Общее количество слов 3619
    Общее количество уникальных слов составляет 1863
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 31
    Общее количество слов 3527
    Общее количество уникальных слов составляет 1924
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 32
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 33
    Общее количество слов 3523
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 34
    Общее количество слов 3477
    Общее количество уникальных слов составляет 1923
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 35
    Общее количество слов 3533
    Общее количество уникальных слов составляет 1780
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 36
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 1920
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 37
    Общее количество слов 3453
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 38
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 2051
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 39
    Общее количество слов 3456
    Общее количество уникальных слов составляет 2056
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 40
    Общее количество слов 3480
    Общее количество уникальных слов составляет 1999
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 41
    Общее количество слов 3545
    Общее количество уникальных слов составляет 1986
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 42
    Общее количество слов 3551
    Общее количество уникальных слов составляет 2061
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 43
    Общее количество слов 3528
    Общее количество уникальных слов составляет 1968
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 44
    Общее количество слов 3268
    Общее количество уникальных слов составляет 1833