Latin

Аамҭа цәгьақәа раан. - 22

Общее количество слов 3535
Общее количество уникальных слов составляет 1917
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
дҩалгаанӡа, Џыр игәы иҭан Марҭа дара рҿы даанкыланы, дахьҧсыҽу амаҭәарқәа рҿы ацхыраара лиҭаларц,
Џыр игәы иҭаз ҽнак иани иареи ашьашәыр аҿы итәаны
ишеицәажәоз, имхаҳәеит.
– Уан дукәхшоуп, Џыр, ус умҳәан, Марҭа лаб дбаҕьаӡа
дынхоит. Уара ус уҳәар иара игәы иалсыргьы ҟалоит, –
лҳәеит, Џыр иан Мина.
– Акрыздыруоу, Марҭа ланҧсеи лареи еинымаалар
ҳәа сшәоит азоуми абас зысҳәо, – иҳәеит Џыр. Ииҳәаз
иажәақәа дрыхьхәны.
– Ус иҟалап ҳәа сара сгәы иаанагом. Света сызкәыхшоу,
даара дҟәыҕа бааҧсуп, дгәыблҩуп. Ауаҩы дизааигәоуп,
ауаҩы дылҭахуп. Насгьы лара лыҩҧацәа ыҟоуп, аҧҳа
длымаӡам. Убри аҟнытә, лхатә ҧҳак леиҧш, дыҧхьаӡаны,
дылбоит ҳәа сгәы иаанагоит.
– Усгьы анцәа иҟаиҵааит. Уи ауми абзиа, – иҳәан
Џыр, уаҳа ажәакгьы ацымҵакәа иҽааникылт. Ани аҧеи
ашьашәыр аҿы итәаны, ас ишеицәажәоз ианҧшы,
таксик агәашә аҧхьа иааин иаангылеит. Уи атаксии
дыллылбааит Ҭина, Џыр иаҳәшьа. Ҭина лаагаҧсахә
аныҟәцаҩ инаилҭан, лара агәашә аартны, дынҭалан,
аҩныҟа лхы рханы, лҿаалхеит. Атаксист дызлааз амҩала
иҿылеихеит.
Минеи Џыри Ҭина данырба, иахьтәаз иҩагылан, лара
даанӡа ҳәа имҧшыкәа илҧыларц уахь рҿынархеит.
Ҭина агәарбжа дааиуан еиҧш, дара уахь ишнеиуаз,
иааиҧылеит. Аҧсшәақәа ааибырҳәеит. Нас иеицны
Минеи Џыри ахьтәаз, ашьашәыр аҿы иааин, илатәеит.
Акраамҭа аӡәгьы ҿиҭуамызт, ҭынчран, нас Мина аҭынчра
ааилалгеит:
– Уажәы, абра бааиаанӡа, ҳазлацәажәоз бдыруоу, Ҭина,
– Мина Ҭина днылҿаҧшны ҿаалҭит:
– Шәызлацәажәозеи? – Ҭина лан дналазҵааит.
– Марҭа лакәын ҳазлацәажәоз. Џыр иҭахын Марҭа
ҳара ҳҿы дыҟазарц, дахькәадацәоу, лымкаала длыцхраарц, илыгу, илыбзоу ҳәа зегьы ҳара ҳахәда иқәаҳҵарц.
Аха Џыр ибзиоуп ҳәа ииӡбаз, сара сазыразымхеит. «Уи
лаб иҩны дыҟазааит». Ҳара ҳҿы дыҟазааит ҳҳәар Захари
Светеи ргәы иалсуеит. Урҭ ргәы алсра адагьы, абзҳәацәа
аҳәатәы рауеит. Уи аҵкыс, иахьлыхәҭоу, лаб иҩны
дыҟазааит ҳәа Џыр иасҳәеит. Бара бгәы ишҧаанагои? –
лҳәан, Мина лыҧҳа длазҵааит.
– Сара сгәы ишҧаанагахо, Џыр диашам. Сан, бара
ибҳәаз ауп ииашоу. Аӡҕаб лаб иҟны дыҟазароуп, аҧсуа
ҵасла, ус ауп ишахәҭоу. Сара ақалақь аҿы сынхоит. Уа
Марҭа ашкол дҭасҵап ҳәа сгәы иаанаган, аха сахьхәит.
Сахьхәит избанзар, лаби ланҧсеи ахәыҷы дырҭахӡам.
Ланду лҿы, ма лаҳәшьаду лҿы ауп дахьыҟоу ҳәа лан дашшыр, еиҳа азакәан лара илыдгылоит, – лҳәеит Ҭина. Абас
Ҭина лгәы иҭаз ҳәаны даналга, Минеи Џыри рахь лхы налырхан, деиҭаҵаахт:
– Марҭа ашкол ахь днажәгахьоу?
– Ааи, Света Марҭа длыманы, иахьа ашкол ахь дцеит.
Амала, уи дрыдыркылоу, дрыдрымкылоу сыздыруам,
аха… – лҳәеит Мина.
– Шәҟәыда ашкол ахь дрыдрымкыларгьы алшоит. Уи
Литва ашкол дызлаҭаз ала изакәызаалак шәҟәык лыцӡам.
Стефа дгәааны дыҟоуп, душьуазаргьы дара рышкол аҿы
днеины, иаҭахқәоу ашәҟәқәа рымхны, иаалышьҭраны
дыҟаӡам. Амала, Шиаулиаинтәи РОНО ахь ашәҟәы ҩны
идәықәҵазар иаарышьҭыр рыхәҭоуп – лҳәеит Ҭина,
Марҭа ашкол лҭалараз дахьеиқәшәам лгәы иаланы.
Света Марҭа длыманы ашкол аҿы данҩеи, арҵаҩцәа
рҭыҧ аҿы длыманы даныныҩнала, зегьы даара ргәы
иаахәаны илҧылеит. Марҭа лан Литваҟа данылгоз, лара
ара ашкол дҭан, актәи акласс аҿы аҵара лҵон. Марҭа ашкол дҭалаанӡагьы аҩышьеи аҧхьашьеи Џыр илирҵахьан
азы, ашкол данҭала, ибзианы аҵара лҵон. Убри аҟнытә,
зегьы ибзианы дыргәалашәон, дшазҳаз уамашәа ирбон.
Марҭа лхатәы бызшәа аҧсшәа лхамышҭкәа аҷҷаҳәа
иахьылҳәоз, Марҭа илеигәырҕьаны зегьы лара ишлацәажәоз, ус аккаҳәа аҵәҵәабжьы ааган, арҵаҩцәа зегьы ҩагылан, доусы ржурналқәа аақәхны, аклассқәа
рахь ицеит. Ара иааизынхеит аҵараҟәша аиҳаби дареи.
Уаанӡа илмацәажәацыз зегьы деимакны иахьлацәажәоз
аҟнытә, уажәы арҵаҩцәа зегьы рыклассқәа рахь ианца,
аҵараҟәша еиҳабы арҭ днарҿаҧшын, даацәажәеит.
– Ари аҭыҧҳа , ара ашкол дҭаҳҵар шәҭахызар акәхап.
Уи ихаҿы ихаччон данцәажәоз, «шьыри абри еснагь
дцәажәаландаз» угәахәон, уи изыӡырҩуазаалак. Убас
дхаан иара иҟазшьалагьы.
– Ааи, ус ауп, аха…
– Шаҟа рҿы дтәоу аҵара шылҵо, уҳәа ртәы зҳәо
ршаҳаҭгақәас акыр лыцу? – ҳәа Света длазҵааит аҵара
аҟәша аиҳабы Никәала Аҳмеҭ-иҧа.
– Афбатәи акласс аҿы дыштәоу аадыруеит ауп,
уаҳа иарбанызаалак, ршаҳаҭгак лыцым, – лҳәеит лгәы
еиқәышьшьы Света дахьтәаз.
– Ҳара ҳҿоуп уи раҧхьа ашкол дахьҭалаз, афбатәи
акласс аҿы дыштәоу, ҳаргьы иаадыруеит. Ахәыҷы ашкол
дҭамлакәа ҟалашьа амам, аха рыцҳарас иҟалаз, ршаҳаҭга
шәҟәык лыцымкәа ажурнал даҳзанҵом. Ахәыҷы ажурнал
данызароуп. Уи сҳәеит ҳәа ршаҳаҭгашәҟәы лмоуӡаргьы,
ашкол дҭамҵакәа даанҳажьуама? Ҧсыхәа змам ҳәа
акрыҟоума, мамзаргьы, Ҳара зегьы ҳаздыруам акәымзар.
Уи ҧсыхәас иамоу ҧшаатәуп, аҧшаара аҭахуп.
– Ус макьана даалааит, ҽеишәа лҩызцәеи лареи еибадырп, еишьцылап. Аҩны дтәазар дрыцҳауп, – иҳәеит
аҵараҟәша аиҳабы Никәала Арзамеҭ–иҧа.
– Аранӡа шәанаа, ашкол адиректоргьы шәнаиазҵаа,
уи икабинет аҿы дыҟоуп, актәи аҵатәхәы имаӡам.
– Ибзиоуп, шәара ишәҳәан еиҧш, еиҳараӡак уи
иоуп аус злоу, ҳнаиазҵаап, ииҳәо ҳаҳап, иҭабуп амҩа
ҳахьықәшәҵаз азы. «Абзиараз», – лҳәан Света Марҭа
лнапы кны, арҵаҩцәа рҭыҧ дныҩныҵын, адиректор
икабинет ашә днылагылеит. Света аҷыгә-ҷыгә ҳәа адиректор ишә днас-насит.
– «Даа» – иҳәеит урысшәала адиректор. Света адиректор икабинет ашә аалыртын, ашәхамс даалагылан:
«ҳлеир ҟалома?» – лҳәеит.
– Шәааир шҧаҟамлои? Ари Захар иҧҳа лакәзаап,
Ҭина имҵарсны иаалгаз, – иҳәеит адиректор дыччо
дҩагылан.
– Шәтәа шәызгылоузеи? – лҳәеит Света дыҧхашьа–
ҧхаҵо.
Адиректор иҭыҧ аҿы длатәеит. Лара дахьтәашазгьы
аскамқәа ахьгылаз ахь инапы наирххеит, аха лара
дымтәеит.
– Ааи, лара лоуп, – лҳәеит Света.
– Аҧсышәала дызцәажәоу? – дҵааит адиректор.
– Ааи, аҧсышәалагьы дцәажәоит, аҭак ҟалҵеит Света.
– Идыруп, ршаҳаҭга шәҟәык лыцым, аха ҧсыхәак
аҳҭап. Аршаҳаҭга шәҟәы лыцым ҳәа даанҳажьуам.
– Аҧсышәала бызцәажәоу? Адиректор Марҭа лахь
ихы наирхан, длазҵааит.
– Ааи, сцәажәоит, – лҳәеит, Марҭа.
– Блеишәа бзиоу? Адиректор дыччо, длазҵааит,
Марҭа ари азҵаара аҭак аҟаҵара ацымхәрас дааччан,
лхы лалырҟәит.
– Ашкол ахь баала, уаҵәы инаркны. Ибҭахызар иахьа-
гьы быҟаз. Ҳаицны акласс аҿы ҳнеип. Бҩызцәеи бареи
шәеибасырдырп, – иҳәеит адиректор.
– Исҭахуп, – лҳәеит Марҭа, адиректор ииҳәаз лгәы
иаахәаны.
– Ашәҟәқәа рыцымзаргьы, ус ҧыҭҩык ҳамандаз,
ашәҟәқәа еиқәҳаршәарын, – иҳәан, адиректор дызхатәаз
астол дҩахыҵын, ашә шыҟаз иҿынеихеит. Светагьы
Марҭа лнапы кны, адиректор днаишьҭалеит. Урҭ анындәылҵ ашә нкыдижьлеит, ацаҧха амыркӡакәа. Урҭ иеицны афбатәи акласс ашә инылагылеит. Адиректор
ашә днас-насын, иаартны, Марҭа лнапы кны, раҧхьа
дныҩнашылт, нас – Света.
Арҭ шыныҩнашылаз еиҧш, аҵаҩцәа зегьы адруҳәа,
иҩагылеит. Арҵаҩы акласс ҕәы дадгыланы аҩра дызҿыз
дааҟәыҵны, аҭӡамц лашьҭахь надҵаны, даагылеит, иааиз рахь дыҧшуа.
– Шьыжьбзиақәа, ахәыҷқәа, – иҳәеит, адиректор.
– Бзиара жәбааит, – рҳәан, аҵаҩцәа аҭак ааҟарҵеит.
Рырҵаҩы Асҭанда Ладикәа-иҧҳа дыҧхашьа ҧхаҵо
дрыхәаҧшуа дгылан.
– Шәтәақәа, ахәыҷқәа, – иҳәан адиректор, ахәыҷқәа
латәеит.
– Абри аҵаҩ ҿыц абра дтәааит, ари имала иоуп ара
итәоу, аҭыҧ ҭацәуп. Ара дтәар уара уазыразу? – иҳәан,
уа итәаз ахәыҷы ихы инапы аақәишьит адиректор.
– Сышҧазыразым, еиҳагьы еиҕьасшьоит, – ихәеит уи
ахәыҷы.
– Ушьҭа шәеибадыр, шәыхьӡқәа, еибышәҳәа.
– Алхас сыхьӡуп, – иҳәеит уа итәаз ахәыҷы дгәырҕьаҵәа иҩыза ҿыц длыхәаҧшуа.
– Марҭа сыхьӡуп, – лҳәеит Марҭагьы.
– Ишәаҳау ахәыҷқәа, ари аҵаҩ ҿыц иаҳзааиз Марҭа
лыхьӡуп, дыжәдыруаз, – иҳәеит адиректор, ахәыҷқәа
лаҧшы хаала дрыхәаҧшуа. Ахәыҷқәа зегьы гәырҕьаҵәа
Марҭа илыхәаҧшуан. Уи Марҭа илбон азы, лара лҽырҧшӡаны дгылан.
– Бызгылоузеи, Марҭа? Бҭыҧ аҿы бнеины бтәа.
Арҵаҩы Марҭа лахь лхы налырхан, даацәажәеит. Марҭа
днеин, днатәеит адиректор иахьлирбаз аҭыҧ аҿы.
– Шәҵатәхәы иацышәҵа, ҳаҭамыз маҷк аҟара
ҳашәҧырхагахазар. Ушьҭа уаҳа ҳара ҳашәҧырхагахом,
иҳәан, адиректор ашә шыҟаз иҿынеихеит. «Ҳаҭамзааит»,
– лҳәан, Светагьы адиректор дынишьҭалеит. Урҭ иеицны
адиректор икабинет ашә аҧхьанӡа инеит.
– Иҭабуп, абзиара шәзыҟалааит, агәхьаа шәаҳаргеит,
аха, – лҳәеит Света, адиректор дынидҵны амардуан
данынаҿала.
– Иарбан гәхьаау ҳара ҳазго, ҳара ара ҳзыҟоу ахәыҷқәа
рзоуп. Ҳара ҳуал излаҳалшо ала инаҳагӡоит, аха шәаргьы
зны-зынла, шәааҳхылаҧшла, – иҳәан икабинет ашә аартны дныҩналеит.
Ашкол ашҭа днықәсны, амҩа даныланы лҿыналхеит
Света. Уи сааҭбжак ашьҭахь, ргәашә аартны, ргәара
дынҭалеит. Ргәараҿы аҧслымӡ икаҧсаз илатәаны ихәмаруан Баграти Бадреи. Урҭ ран агәашә дшааҭалаз,
даагәарҭан, иҩны иналҧылеит.
– Мама, Марҭа дабаҟоу? – ҳәа илазҵаауан Света лыҷкәынцәа рҩыџьегьы.
– Уи ашкол дҭалеит, – лҳәеит Света.
Ахәыҷқәа ран иралҳәаз аарцәымыҕхан, ран илыхәаҧшуа, иаангылеит. Ҳәарада, дара ирҭахымхеит раҳәшьа
ашкол аҿы дааныжьны, ран аҩныҟа дахьааз.
– Бара аҩныҟа банаауаз, Марҭа дзаабымгеи? – дҵааит
Бадра.
– Ҳара иаҳҭахӡам Марҭа ашкол дҭалар, – иҳәеит Багратгьы.
– Сыҷкәынцәа, изышәҭахыми Марҭа ашкол дҭалар?
Света абас азҵаара рылҭеит.
– Дыгәхьааҳгоит азы, – иҳәеит Бадра.
– Дыгәхьаажәгозар, шьыбжьон еиҧш даауеит.
– Ҳара еснагь дҳацзар ҳҭахуп, – Багратгьы ҿааиҭит.
– Лара ддууп ашкол дҭамлар ҟалаӡом, даҽа шықәсқәак
роуп, нас шәаргьы шәдухоит. Усҟан шәаҳәшьа шәыгәҭа
дыбжьаргылан, ашкол ахь шәцалап, шәаала шәан
дшәыкәыхшоуп, – лҳәеит Света.
– Уаанӡа маҷ бжьоума, ус ҳара иаҳҭахӡам, – иҳәан
Бадра аҧслымӡ инапқәа алшьуа ахәмарра дналагеит. Багратгьы дааҳәын, уи днаидтәалеит. Аҷыр-ҷырҳәа
еицәажәо, арҭ ахәыҷқәа ахәмарра иаҿын.
Света амаҵурҭа дныҩналан, Марҭа ашкол аҿынтә
дааиаанӡа, лашьцәеи лареи ирфаша ҳәа ачамчымытақәа
рзылӡырц акҿыҩра дныкҿалеит. Ачашыла зҭаз акаструлиа аақәылхын, акәаҳара дналагеит. Минуҭқәак
рышьҭахь амажәа кәаҳаны далгахьан.
Света днеин, аҭӡамц аҿы икнаҳаз асааҭ днахәаҧшит.
«Уажәоуп ахҧатәи аҵатәхәы ианалага, макьана ачамчамытақәа рыӡра заацәоуп, аалгәахәын», днеины, адиван днықәтәеит. Ус ахәыцра дынҭанагалеит. «Сара сгәы
иҭан ахшаара рацәа рааӡара. Ҩыџьа аҧацәа схылҵит.
Урҭ рашьҭахь уаҳа шысхылымҵуаз аныздыр, даара сгәы
сыхьит, аха изурызи? Ҩыџьа аҧацәамоу, аӡә ида змамгьы ыҟоуп. Иҟоуп убас, зынӡа хылҵ дызмаӡамгьы. Урҭ
раҵкьыс сара сабанӡеиҕьу… Арҭ аҩыџьа сааӡар, аҳәсақәа
ааргар, рыҳәсақәа иаарго, сыҧҳацәа ракәымхои шысҳәоз,
сашьцылеит. Анцәа иҳәар, урҭ азҳара роур, уаҳа исҭахузеи
шысҳәоз, сгәы сҽанӡамкәа агәырҕьара ду сауит. Дааӡа–
дыхьча дсымам ҳәа сзыргәаҟуаз аҧҳагьы дсоуит. Уи
пату лықәҵаны дсызбар, дсыҧҳами! Лашьцәа хәыҷқәа
леигәырҕьаны иҧсуеит, ҽнак акәым, сааҭк дрымбар, дырзычҳауам. Ларгьы убас дырзыҟоуп, лашьцәа
хәыҷқәа. Ари еиҳау гәырҕьара абаҟоу, сыԥшәмеи сареи
ҳзы?» Света абас дышхәыцуаз, ус аҷараҳәа ашә аартны
дааҩналеит лыҧшәма Захар. Захар ашьыжь даныҩагыла,
архаҟа рџьықәреи ахьылаз дцан, ибаны дааит.
– Уахьыҟаз иҟоузеи, ҳааҧсара ҳҧылап угәахәуоу? –
лҳәан Света Захар диазҵааит.
– Даара ҳҽаҩра бзиахеит, уааигәырҕьаратәы иҟоуп.
Ҩба-ҩбала, хҧа-хҧала, ирҿоуп аџьықәреи алапҟьақәа.
Амала, ҳамхы ахықәахьшәа аҟәраанқәа ҧхасҭа ҧыҭк
ҟарҵеит, аҧсра иагандаз, урҭ аҟәраанқәа. Аха дара ирхароузеи? Сара соуп изхароу. Амхы аҿалара ианналагоз, мчыбжьык аҟара акәын ахьчара анаҭахыз. Усҟан
иаасзыхьчазҭгьы, иахьа сымхы иамоу аҧхасҭа аиоураны иҟамызт, аха иуадаҩым, иаанхаз ҳара иҳазхоит,
гәырҕьарала инаҳхааит.
– Уара уахьааиуаз ахәыҷқәа аҧслымӡаҿы ихәмаруазу?
– Ааи, уа ихәмаруеит. Урҭ уа аҧслымӡра илҵны
џьаракыр ицар ҳәа бшәома?
– Аиашаҵәҟьа ҟауҵеит уара уа аԥслымӡ ааганы
иахькоуҧсаз. Аҧслымӡ ааганы агәараҿы ианкоуҧса,
сара изааугазеи? – сҳәеит, аха уара уазхәыци, усҟан
ахәыҷқәа рбара заҟа иуадаҩыз. Уажәы, иаҳҧырхагаӡам,
рымала рыхқәа рыжьжьоит.
– Уажәшьҭа сара исгәиҭоу бдыруоу?
– Иугәиҭеи?
– Абна аҧслымӡ ахькаҧсоу, атурник рзыҟасҵоит.
Абни аца амахә аҿы, ауаргьала рзыкнасҳауеит. Урҭ
уажәраанӡагьы иҟаҵазар акәын, аха исзыҟамҵеит, сахьеилахаз азы.
– Урҭ анырзыҟасҵа зынӡаск иаҳҧырхагахом. Ампыл
рзааҳхәароуп. Зынӡак ҳара ҳиашам, иахьа уажәраанӡа
ҳхәыҷқәа ампыл ахьрымам… Хаҵеи ҧхәыси абас
ишеицәажәоз, аамҭа акыр цеит. Света аҭӡамц икыдыз
асааҭ днахәаҧшыхт.
– Уу, аамҭа цеит, ушьҭа счамчамытақәа зӡлароуп,
Марҭа лассы даауеит. Баграти Бадреи амла иамкуа иҟам, –
лҳәан, дҩагылан, агаз аалыркын, аҧлакь нақәлыргылеит.
Аҧлакь анааш, ахәша нанылҭәалан, амажәа зныз асаан ахьықәгылаз, ачамсҟәыл ала, ирмаҷ-маҷны аҧлакь
амажәа анылҵо далагеит. Аҧлакь амажәа ахьанылҵоз,
«чффы» ҳәа аҧлакь аҿынтә ахәша аныҧаны ицон.
Ачамчамытақәа ҵаҕаны иҟамзи, ирласны иӡуан. Света митәык дадымхалакәа асаан азна ачамчамытақәа
лӡит. Ачамчамытақәа илӡуаз асаан аҿы еиваҵа–еиваҵа
ианылҵон, ашьҭахь ашьақар ақәырҳәҳә иҟалҵон, нас
еиҭа хыхь ачамчамыта ақәылҵон. Убас мацара асаан
азна ачамчамыта лӡит. Нас даалаган акакао ршны астол
инықәлыргылеит шьыбжьхьа ҳәа. Абас лассы-лассы
иҟалҵалон Света. Уи даара бзиа илбон Марҭа. Убас ари
афатә хкы, бзиа ирбон Баграти Бадреи. Марҭа даанӡа
Света Баграти Бадреи акрырҿалҵарц лыӡбан:
– Арахь шәааи, ачамчамыта шәзызӡит, акакао шәызсыршит – лҳәан, амаҵурҭа дааҩныҵын, лыбжьы нрықәлыргеит Света лыҷкәынцәа.
– Марҭа дмаакәа ҳара акраҳфаӡом, Марҭа даар, ларгьы
ҳаргьы акреицаҳфоит – рҳәеит, арҭ ахәыҷқәа рҩыџьагьы.
Усҟан дара аҧслымӡ аҿы ихәмаруамызт, иҩуа агәар
иқәын, кьаанц ҟаҵо.
– Ахәыҷқәа ирҳәо уаҳауоу, уара? «Марҭа дмаакәа ҳара
акраҳфом» – рҳәеит, абанҭҵәҟьа урыхәарҭам.
– Уи ауми, цәгьалаҵәҟьа раҳәшьа дырҭахуп ҳаҷкәынцәа. Ларгьы, убас дрышьҭоуп, «ихәыҷқәоуп» –
ҳхәеит аха, урҭгьы изҭаху дырдыруеит. Ҳара ҳзын уи
насыҧ дууп, урҭ бзиа иеибабо, иаҳзааӡар.
– Бзиа иеибабо иаҳзымааӡар ҟалома? Ҳхәыҷқәа бзиа
иеибабо, пату еиқәырҵо иҳааӡароуп. Ус ианҳзымааӡа,
иҳааӡеит ахьӡума? Ҳархымгәамҵкәа амҩа иаша ианаҳҵароуп.
Светеи Захари ас ишцәажәоз, аҷараҳәа агәашә абжьы аагеит. Света адәахьы дындәылҵын, агәашә ахь
днаҧшит. Света Марҭа дахьааиуаз, лылаҧш налықәшәеит. Лара агәара агәҭаны лышәҟәқәа кны дааиуан. Баграти Бадреи Марҭа дшааиуаз анырба, изҿыз
рыхәмарра аанрыжьын, иҩны Марҭа иналҧылеит.
– Ибызҭада, арҭ ибку ашәҟәқәа? – рҳәан, Марҭа илкыз
ашәҟәқәа лымырхырц иалагеит. Баграти Бадреи Марҭа
илымпыҵасуа ианалага, «исыцәкарыжьыр аҵкыс», –
лҳәан, Марҭа илкыз ашәҟәқәа шаны Баграти Бадреи
инадлыркит. Баграти Бадреи Марҭа илкыз ашәҟәқәа
анаалымырх, ишиашаз аҩны амаҵурҭа иҩыҵаххит.
– Арҭ ббоу, мама? Иахьа ашкол аҿы Марҭа ашәҟәқәа
лырҭеит. Ҳаргьы ашкол ҳҭазар, ашәҟәқәа ҳарымҭози –
рҳәан, иҕьаҵәы-ҕьаҵәуа ран илыхәаҧшуа иаангылеит
Баграти Бадреи.
– Шәарҭ макьана шәхәыҷқәоуп азы, ашкол шәҭарҵаӡом. Ашкол иҭам, ашәҟәқәа рырҭаӡом. Ашкол
шәанҭалалак, шәаргьы Марҭа леиҧш, ашәҟәқәа шәырҭоит, ҧшӡала изызҳаша, сыҷкәынцәа, – лҳәан Света,
лыҷкәынцәа аалырҽхәан, лнапала рыхқәа аалшьышьит.
Нас Марҭа лхы нылзылышьҭын ҿаалҭит:

Марҭа ашәҟәқәагьы бырҭеит, Шиаулиаинтә
аршаҳаҭра шәҟәқәа бмоургьы ашкол бышҭарҵо, ажурнал бшанырҵо, шьҭа еилкаауп. Арҵага шәҟәқәа зегь
бырҭоушь? – лҳәан, Марҭа длазҵааит аҵыхәтәан.
– Мамоу, зегь сырымҭацт макьана. Избанзар, зегьы
ыҟаӡам ашколтә библиотекаҿ, Гәдоуҭа РОНО-аа рҿы иааганы иҟазаап, аха макьана арахь иаарымгацт. Ианааргалак, зегь раҧхьа бара ибысҭоит ҳәа салҳәеит абиблиотека аиҳабы, – лҳәеит Марҭа.
– Анцәа илҧха лауааит уи абиблиотека аиҳабы ус
зҳәаз. Ашәҟәқәа бырҭап, Марҭа, бара аҵара бзианы
ибҵалароуп. Адунеи аҿы ҵароуп иҟоу, уаҳа акрыҟоу
џьыбшьоума, Марҭа?
– Аҵара шҧасымҵои, ибзианы аҵара сҵалоит. Сани
саби шәсырҧхашьар ҳәа шәымшәан.
– Уи ауми абзиа. Бара аҵара бзианы ибҵалар, ибзиангьы беилаҳҳәоит. Макьана башьцәа хәыҷқәоуп,
ҧарала ҳаихьымӡо ҳалагар, аҷкәынцәа хьҭакы иамкратә
иеилаҳҳәоит ауп, амаҭәа мыцхәы иалархи иахьынӡахәҷу.
Бара ҳбышьҭазаауеит баби сареи.
– Мамоу, мама, ус сара исҭахӡам. Зны ахәыҷқәа еилашәҳәа, урҭ акыр рхашәалар, сара сеилашәҳәап, –
лҳәеит Марҭа лгәы ҟьаҟьаӡа иаартны, иарбанызаалак
џьара маӡак амаӡамкәа.
– Урҭ сцәымҕны акәу џьыбшьома, сара ас зысҳәо,
аӡҕабцәа еиҳа иеиҕьны иеиларҳәоит ианакәызаалак,
аҷкәынцәа раасҭа. Ашкол ахь банцалак, бҩызцәа брылаҧши, ус акәымзар ббап.
– Ус акәзаргьы сара ус сзыҟаҵагәышьом. Сашьцәа
хәыҷқәа рылымкаа сара сҽысзеилаҳәом, амала сашьцәа
сара исеиҳабацәазар, усҟан даҽакын. Дара среиҕьны
сеилаҳәазаргьы ҟалон, аха…
– Ус зысҳәо, ҳаагарҭа маҷхар, ҧарала ҳаихьымӡар ҳәа
ауп. Ус адагьы ҧсыхәа амаӡам, усҟан. Аха ҳара усҵәҟьа
ҳҟалап ҳәа сыҟам. Шәара шәыхҩыкгьы шәеилаҳәаны,
нас ҳаргьы ҳхазы акы ааҳхәо ҳҟалап ҳәа сыҟоуп.
– Убри ауми аиаша, аха уаҳа ҳаҩны иагу иабзоу ҳәа
акгьы ыҟаӡами?
– Ҳаҩны иагу-иабзоу шҧаҟахым, аха уи раҧхьа
иҳаргыло зҵаарам, раҧхьа иҳаргыло азҵаара уи бара
беилаҳәароуп. Егьырҭ азҵаарақәа анаҩстәи зҵаарақәоуп. Светеи Марҭеи абас еицәажәон. Марҭа лцәажәашьа ду наӡак иеиҧш акәын ишыҟаз. Убас дуҵас
дхәыцуан лара. Ҧсабарала даара дҟәыҕаны дшан. Светеи Марҭеи реицәажәара Захаргьы ихы налеиҵеит.
Ҳара уаҳа ҳалымшаргьы шәара шәыхҩык шәеилаҳәара
иазхаша аҟара аҧара ҳауеит. Шәыхҩыкгьы ибзианы
шәеилаҳҳәоит.
Захар ииҳәаз Марҭа лгәы иаахәан, лаб иаҧхьа даагылеит. Лаб ихәда лнапы аахылшьын, даагәыдылкылан,
даалгәӡит. Захар агәырҕьара имаз аҟара нацлан дгәырҕьаҵәа мҵәыжәҩада дыҧрыртә еиҧш, дааҟалеит.
– Марҭа шьҭа иҳаҳәи, иахьа ашкол аҿы бҩызцәеи бареи шәшеибадырыз, баамҭа шыбхыбгаз уҳәа ртәы?
Ас Захар ианиҳәа, Марҭа лаб ишьамхы дахьықәтәаз,
даақәҵын маҷк аҟара днаскьаны днагылан, иахьа ашкол аҿы дахьҩеиз, илаҳаз дышрыдыркылаз уҳәа акы
аанмыжькәа зегьы лаб иалҳәеит.
– Уи бзиоуп, Марҭа, раҧхьатәи бшьаҿа бзианы иахьеихыбгаз, даара сгәы иаахәеит. Убас зегьы пату бықәырҵо,
зегьы бырҭаххаратәы бҽыҟабҵар, ибзеилымкаауа азы,
быҧхамшьакәа бырҵаҩцәеи бҩызцәеи брызҵаалароуп.
Бизҵаалароуп иара убас Џыргьы. Уи бызиазҵаалак ,
шамахамзар амаҭәарқәа зегьы рҿы ииашан рҭакқәа
биҭартә аҟара адырра имоуп. Ихгьы дацәымаашьакәа
рҭакқәа биҭоит. Иара ҳаргьы бызҵаарақәа рҭакқәа
рыҟаҵара ахьҳалшақәо ыҟоуп. Аус злоу бара боуп, Марҭа.
Быҧхамшьароуп, бмаашьароуп.
– Дыҧхашьар, даашьар, ҟалома. Усҟан лара аҵара
лзымҵеит ауп. Аҵараҿы дыҧхамшьар дмаашьар, ҳәарас
иаҭахузеи, аҵара бзианы изҵақәо дреиҧшны дҟалоит –
лҳәеит Света. Нас илҳәаз лажәа инацылҵеит:
– Ҳшеицәажәоз амлагьы ҳакит, ус ауми, – лҳәан зегьы
лаҧшы хаала днарылаҧшит Света.
– Амла ҳашҧамк, ҳара амла ҳакижьҭеи уажәы аума?
Аха Марҭа даанӡа ҳәа ҳалзыҧшын акәымзар, – иҳәеит
Бадра икрыфара аамҭа ахьцаз игәы иаланы.
– Марҭа ҳазлзыҧшыз данааи, ацәажәара шәналаган...
– ииҳәарц ииҭахыз аҵыхәтәанынӡа имҳәакәа даангылан, иан днылҿаҧшит Баграт.
– Арҭ амла исшьит, «исзашшуагьы» иалагеит, умбои,
уара иуҳәози? – лҳәан Света, Захар диазҵааит.
– Исҳәахои, ицәгьарахар, сыҷкәынцәа срыдымгылар,
уаҳа сзыдгылода, – иҳәан, аччара дналагеит Захар.
– Иахьа шьыбжьон ҳәа исылшаз ачамчамытақәеи
акакауеи роуп, – лҳәеит, ачамчамытақәа зныз асаан
аалган, астол иаақәлыргылан, нас днеины ачанахқәа
аалгеит. Ачанахқәа инырнылҵеит ачамчамытақәа.
Аҵәцақәа рҭәны акакао аҭаацәа зегьы ахьтәақәаз
раҧхьа инықәлыргылеит. Хәыҷгьы дугьы зегьы неины
анапыӡәӡәарҭаҿы рнапқәа ӡәӡәаны, астол инахатәеит.
Гәахәала зегьы акрырфеит. Акранырфа ашьҭахь, Баграти Бадреи адәахьы ицан, аҧслымӡраҿы, ахәмарра иналагеит. Усҟан, Света ачанахқәеи аҵәцақәеи рыӡәӡәара
даҿын, аха Марҭа илымукәа, Света лыжәҩа кны даахан,
лара ачанахқәеи аҵәцақәеи рыӡәӡәара дналагеит.
– Ус акәзар, ҳара мандарина ҭаара ҳцап, – лҳәеит Света
Захарилареи мандаринаҭаара ҳәа амандаринаҭрахьиеиц-
ны ицеит. Марҭа ачанахқәеи аҵәцақәеи ӡәӡәаны, мпахьшьы цқьала ирбаны, доусы рҭыҧқәа рҿы иныҟалҵан,
астол зладрыцқьоз ҳәа ирымаз ампахьшьҷыдала астол
аалрыцқьеит. Нас уаҳа дымҧшӡакәа ларгьы лсикатори лведреи аашьҭылхын, Светеи Захари ахьцаз,
амандаринаҭрахь дцеит. Марҭа ауҭрахь дышцаз анырба, Баграти Бадреи иҩны лара иналышьҭалеит. Захари
Светеи амандарина ахьырҭаауаз, рхәыҷқәа зегьы неины
инарыдгылеит.
– Марҭа, бара амандарина ҭаала ҳәа баҳамҳәаӡеит.
Бара бус аҵароуп. Нас Света Баграти Бадреи рахь лхы
налырхеит:
– Шәара шәус ахәмарроуп, шәца, шәыхәмарла.
– Сара иахьатәи сҵатәхәқәа мариоуп. Уахеи уаҵәы
ашьыжьи исзымҵо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Сара хәыҷык
сшәыцхраар сҭахуп, мама, бысҧырхагамхан, –лҳәеит
Марҭа. Нас Марҭа ахәыҷқәа рахь лхы налырхан:
– Сара сышәҭахызар, мама илҳәаз аахаҵаны, агәарахь
шәцаны, шәыхәмарла.
– Марҭа, изҳәада бара баҳҭахым ҳәа, – иҳәеит Баграт.
– Бара зегь реиҳа бысҭахуп, – иҳәеит Бадра.
– Ус сышәҭахызар, исҳәо хашәҵа, – лҳәан Марҭа
лашьцәа лыбжьы нарықәлыргеит. Марҭа ас анылҳәа,
Баграти Бадреи изҿыз иааҟәыҵын, агәарахь хәмарра
ицеит. Дара шеицыз ҧыҭк анырҭаа, Захар аведра дуқәа
рыла, еилыхны асумкақәа рҭаҧсара дналагеит. Захар
имаз асумкақәа зегьы ирҭәит. Арҭ асумкақәа имашьынагьы дырҭәуан, уи идыруан Захар.
– Ушьҭа иаҳҭааз азхоит, ҳсумкақәа зегьы рҭәны амашьына иақәысҵеит. Даҽазны, ҳанцо иҿаҳхып.
– Аҿыц ҿыхра еиҳа иаархәоит, аха мшык аацәгьаханы,
кырцхк аалеир, ҳмандаринақәа ҳцәыҧхасҭахоит, –
лҳәеит Света. Амандарина аҭаара ишаҿу, иҵегь ҿырхыр
лҭахын. Аха Захар Света илҳәаз дадымгылашәа анылба,
уаҳа ҿылымхӡеит.
– Уажәшьҭа ҳаҟәыҵп ҳара имыцхәны иҿаҳхыз
џьара икаҳаҧсап, – лҳәан Света, дара агәарахь иахь-
цоз, рведрақәа ирҭаз, рыманы ицеит. Захар иааигоз
асумкақәа ирцәымцхәхаз ахькеиҧсаз, Светеи Марҭеи
иааргақәаз уа инадрыҧсалеит.
Ушьҭа еиқәшәоуп. Захар имашьына аус аруны, агәашә
анҭҟьара ауп уаҳа ус рымам.
Усҟан амра аӡы инӡаалон. Света уаххьа архиара дналагеит. Дук мырҵыкәа лыстол аалырхиан, ҭаацәала
акрыфара иналагеит. Шьыбжьон илӡыз лчамчамытақәа
ирцәынхаз мачхәызма, манка қашьк рзылун, ирфеит.
Ҭаацәала итәаны ателевизор иахәаҧшит, аханытә аҧсуа
телехәаҧшра иахәаҧшуан. Адырраҭара «шьышь нани»
ашьҭахь Баграти Бадреи цаны ииеит. Марҭа лҵатәхәқәа
ҟалҵон.
– Марҭа, даҽазны ас ҟабымҵароуп. Раҧхьа бҵатәхәқәа
ҟабҵалароуп, – иҳәеит Захар.
– Иахьатәи аҵатәхәқәа мариоуп азоуп сара сҵатәхәқәа
ас ихьшәаны рыҟаҵара сшалагаз, – лҳәеит Марҭа,
лҵатәхәқәа уамак дрыдымхалакәа дрылгеит. Ахәыҷқәа
усгьы ишьҭалахьан.
– Ҳаргьы заа ҳашьҭалап, асааҭ хәба реиҧш амҩа
ҳақәлоит. Усҟан бара ахәыҷқәа ахьиоу баархылаҧшла,
ашкол ахь бцаанӡа ҳаауеит. Издыруада, маҷк аҟара
ҳаанхаргьы, бара ашкол бҽагбмырхакәа, бца. Ахәыҷқәа
заа ацәа иалҵуам. Урҭ зыцәоу ҳара ҳаауеит. Ҳара ҳаанӡа
дара ҿыхаргьы, иуадаҩым. Ара икаҧсоу аҧслымӡ
инылатәаны, ихәмаруеит, уи иаҧырҵны, џьаргьы
ицаӡом, – лҳәеит Света.
Уи акәхеит, уи амш убас иаархарган, доус риарҭақәа
рҿы инеин, рыхқәа нықәырҵеит, алашара аарҧсны.
Ажәҩан аҿы аеҵәақәа кәеицеиуа акаҧхара иаҿын.
Ашьыжь, асааҭ хәба рзы, Захар имашьына бжьы ааган,
аҿынанахеит. Амашьына агәашә аҿы ианнеи, Захар
иааникылан, Света дааҭыҵны, агәашә аалыртит. Амашьына агәашә ианааҭыҵ, маҷк аҟара аҩада иҩаскьаны,
иаангылеит. Света агәашә ааркны дааин, амашьына
днақәтәеит.
Амашьына акаҭран мҩа инанылан, ишиашоу Ҧсоуҟа
ахы рханы аҿынанахеит.
Ианакәызаалак, Захар имашьына аскорост рацәаны
имкыцызт, уажәгьы иныҟәашәа дашьклаҧшны, акәын
амҩа дшықәыз. Ус имыццакӡакәа Ҧсоу илеит. Урҭ Ҧсоу
ишлеиз еиҧш, наҟ ақазацәа рџьармыкь ахь имиасӡакәа,
ҳара ҳахь ала рмандарина рҭиит. Рмандарина шырҭииз
еиҧш, аџьармыкь иаалагьежьын, Баграти Бадреи рзы
мпылки уаргьалаки аархәеит. Аҧарақәа ироуз Марҭа
леилаҳәара иазхон, аха лара илышәҵаны, илзыбзиахо,
илнаало ҽеишәа игәаҭаны, иаархәар еиҳа еиҕьаршьон
дара. Ус еиҳа еиҕьуп ҳәа ирыҧхьаӡон. Убри азы уажәы
Марҭа лзы акгьы аамхәаӡакәа аҩныҟа игьежьит. Агәашә
аартны ианааҭала, Марҭа акрыф-акрыжә, ашкол ахь
ацара лҽазкны, дгылан. Баграти Бадреи ыцәан, аҧхыӡ
хаақәа ирылан. Светеи Захари аҩны ианааи, Света рхәы
аҟаҵара дналагеит. Урҭ ахәыҷқәа шыцәаз иахьааиз, даара ргәы иаахәеит. Амҩа иахьынӡақәыз, рхәыҷқәа ракәын
ргәы иҭаз. Машәырк рыхьыр ҳәа ишәаны иҧсуан.
Ахәыҷқәа рымала аҩны иааныжьны, ҭаацәала џьара
уцар ҟалома? Ҧсыхәа анамам ишҧаҟауҵо акәымзар.
Захар иааигаз ауаргьала аца амахә иналҵшәа, иҟаз
аҿы инкнеиҳаит. Аца ашьапы инадыргыланы, атурник аҟаҵара дналагеит. Адгьыл жны аихатәы шьаҟа
лҭаргыланы, абитон еилырхны, илҭажьны даалгеит.
Ашьаҟа иаирсыз ашьапы аныҕәҕәаха аихатәы лаба
аца амахә инбжьаҵаны, ахы иаирсыз ашьаҟа инықәҵаны, аидырҭәалага ала рхқәа еибаиркит. Баграти Бадреи аныҩагыла, Света ампыл ыршәны инарылҭан,
игәырҕьаҵәа ирыманы агәара иаақәлеит. Захари Светеи
рхәыҷқәа ахьыхәмаруаз ирыхәаҧшуа игылан. Ус ишгылаз, Захар ибжьы наиргеит:
– Ара икнаҳау жәбоу?
– Изакәи икнаҳау? – рҳәан Баграти Бадреи ыҩны иааин, раб инаидгылеит. Убри аамҭазы, рылаҧш нақәшәеит
ауаргьала ахьыкнаҳаз. Ампыл иркыз наҟ инкарыжьын,
иеиҭакны агьалара иалагеит.
– Ара иҟауҵа закәи? – рҳәан Баграти Бадреи раб иазҵааит.
– Ара иҟасҵоз атурник ахьӡуп. Шәахьынҳаланы
шәгьа-лалоит. Агьалара адагьы иҵегь иҟауҵақәо ыҟоуп.
Урҭ ушьҭан ишәсырбап. Абас ауп ишыгьало, – иҳәан
Захар атурник дҩахьынҳалан, дгьалеит. Уи ахәыҷқәа
даара иргәаҧхеит. Иахьа ахәыҷқәа ироуз аҳамҭақәа
игәырҕьаҵәа иҟанаҵеит. Избанзар, дара ирыман: ампыл, ауаргьала, атурник.

Абыжьбатәи ахы
Адырҩауха Марҭа илызкны Лиолиа ланхәа Мина
ишыҟалҵаз еиҧш, ҭаацәашәала кәысҭҕак ааҩҵәаны,
ҩнык иааҩныҵыз ааидкыланы, чара хәыҷык ҟалҵарц
лгәы иҭан. Уи Лиолиа ланхәа ус еиҧш иҟаз ачара хәыҷы
анылу, «саргьы уаҵәауха санхәа леиҧш исзыҟамҵаргьы,
изласылшо ала иҟасҵоит», – лҳәеит. Ауаҩы иажәа ииҳәаз
уи ҿаҭахьак иаҩызоуп, хымҧада иҟаиҵароуп. Иргәагәо,
инхырҧа-аахырҧо игатәым, «мышкы ихыҧо, шәымш
иахыҧоит», рымҳәои? Ус иҟалар лара илҭахымызт. Лара
аҿҳәара иалҭаз иахмырҧакәа иҟалҵарц акәын лгәы
иҭаз. Аха есымша, уара иуӡбо анцәа иуциӡбом. Лиолиа
илыӡбаз анцәа илыцимыӡбазаарын, аҿҳәара иалҭаз
хымҧар амуит, ихыҧеит. Ихыҧеит избанзар, лара
илзааигәаӡаз аӡәы дыҧсит. Ҭаацәала зегьы аҧсрахьы имцар ауа иҟамызт. Џыр иҿынтә иқәҵны ианаауаз, «ушьҭа
ара сааны лымкаала ишәасҳәоит ҳәа шәасҳәаӡом. Усгьы
ижәдыруеит, ахәылбыҽхан еиҧш, шәызегь ашьшьыҳәа
шәлеиуеит ауп» ҳәа ралҳәеит, зегьы иеилыҵаанӡа.
Уажәы аҧсра ҟалеит, уахь имцар ҟалом, ицароуп. Аха
ачара изахдырҧаз, уахь илеираны иҟаз ирдыруазар
ауп. Мамзар, иеицырхашьшьы ҭаацәала рҽеибаркны
илеины, дара аныҟаз иақәымшәар, «амала Ԥсҳәы ицаны
иааз», иеиҧш, ианыҟала даарак иуадаҩымзар ҟалап, аха
ҧшӡаракгьы аиуам.
Убри аҟнытә, ҳәарас иаҭахузеи, иааираны иҟоу рҿы
иҳәатәуп.
– Сара Захар иҿы снеины, ҳчара хәыҷык ишахҳарҧо
сҳәароуп, мамзар дара ааины, ҳара ҳҟамлар, ҧхашьароуп.
Сара Захар иҿы снеины исҳәар, Џыр иҿы днеины иҳәап,
– лҳәеит Лиолиа.
Кәасҭа абарҵа игылаз аирымӡ днықәтәеит. Уи иҧшәма илҳәақәоз зегьы иаҳауан. Уи илҳәоз иара даара
игәаҧхомызт азы ус иҳәеит:
– Бара ибҳәашьоузеи? Бара бахьцо даргьы ишырцарҭоу
бзымдырӡои? Дара еицырхашьшьы иааины, бара брықәымшәар ҳәа бшәоит. Уахь бара бахьцо егьыҟам, ибылшо ала ара акы бааха, сара сҩабжьысып, – аирымӡ дзықәтәаз дҩықәҵын, дҩагылеит.
– Сашьцәа заа инарасҳәар, иҳаццап аҩны иҟазар.
Аҩны иҟамзаргьы, ахәымҽханӡа ҳаарзыҧшып.
Ахәымҽхан аҩны имааир, иабацои? – ахаан иламхацт
уаха ишҧалахари, – иҳәеит Кәасҭа даахәмаршәа.
– Ишуҭаху бзиоуп, сара аныҟәара сеилаҳауа џьушьома, уара урыцҳасшьоит азоуп исҳәо зысҳәо, – лҳәеит
Лиолиа.
– Исҳәаз ауп, сара сцеит, – иҳәан Лиолиа даалҧырҵны,
илабашьа ахькыдгылаз иаакҿихын, иааиҵшьуа агәашә
шыҟаз иҿынеихеит Кәасҭа. Уи агәашә аартны дынҭыҵын,
акаҭран мҩа днангылеит. Кәасҭа игәашә дшааҭыҵлак,
акаҭран мҩа цон, ақыҭа агәанынӡа.
Кәасҭа акаҭран мҩа даныланы иҿынеихеит. Лиолиа
дмышьҭыкәа иара дахьцаз, лара даара лгәы иаахәеит.
Дгәырҕьаҵәа днагьежьын, лара уск дналагеит. Аҧҳәыс
лзы ус нҵәа ыҟам усгьы. Кәасҭа сааҭыбжак ашьҭахь Захар иҿы дааит, аха Захар аҩны дыҟамызт. Уи Џырраа
рахь дцан, макьана дмаацызт. Света усгьы Кәасҭа иҿы
ҿылҭуамызт. Марҭа даалахәыҭхәыҭын, Захар дахьцаз
лалҳәеит. Света Марҭа илалҳәаз, Марҭа Кәасҭа иалҳәеит.
Кәасҭа длагьежьын, Џырраа рахь дцарц иҿынеихеит.
– Дабацои, ҳаҳ? Фырџьанк имкыкәа дцар ҟалома? –
лҳәеит Света Марҭа дналахәыҭхәыҭын.
– Фырџьанк умкыкәа ушҧацои? Света, илҳәаз
ҟауҵароуп, мамзар, дузгәаауеит, – лҳәан Марҭа Кәасҭа
инапы кны дахо далагеит, дылмышьҭырц азы. Марҭа
Кәасҭа инапы анаулмышьҭӡа:
– Ибымуазар слеип нас, – иҳәан, даагьежьын Марҭа
инапы шылкыз, рҩыџьегьы иеицны амаҵурҭахь рҿынархеит. Уа инеиаанӡа Марҭа Кәасҭа диазҵааит:
– Даду, папа иауҳәозеи?
– Уи иасҳәаанӡа шәаргьы ишәасҳәап ҳәа акәын,
аха ҳшынеицәажәа–ааицәажәоз, аҵыхәахь ииазгеит
сыззааиз. Аха усгьы ишәасҳәап сыззааиз, уи схашҭыз
џьышәымшьааит, – иҳәеит уи.
– Иарбан иухашҭыз џьаҳшьо, – лҳәан дҵааит Марҭа.
– Иарбахын, уахатәи ҳаиқәшәара, ахыҧоит. Иахьаҳҭахыз ҧсрак ҟалеит, уахь ҳамцар ҟалом, – иҳәеит Кәасҭа.
Марҭа илаҳаз ажәабжь аалцәымҕахеит.
– Сара шәара шәахь слеир сҭахынеи – лҳәан Кәасҭа
длеиҿаҧшит, Марҭа лылахь еиқәышьшьы.
– Блеир бҭахызар, бымлеиуеи? Ҳара блаҳмышьҭыр ҳәа
бшәома, Марҭа? – иҳәан Кәасҭа, Маарҭа дҩышьҭихын,
даагәыдикылеит.
– Оора, схәыҷу џьушьома, уажәгьы, сзаҟароу умбаӡои?
– лҳәан Марҭа аҟыр-ҟырҳәа дааччеит. Марҭа дышьҭыхны
Кәасҭа дахьикыз днаиргылеит.
Литваҟа банцоз, бзаҟараз баҟароу џьысшьан, иҳәеит
Кәасҭа дыччо.
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аамҭа цәгьақәа раан. - 23
  • Части
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 01
    Общее количество слов 3616
    Общее количество уникальных слов составляет 1944
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 02
    Общее количество слов 3620
    Общее количество уникальных слов составляет 1841
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 03
    Общее количество слов 3607
    Общее количество уникальных слов составляет 1900
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 04
    Общее количество слов 3647
    Общее количество уникальных слов составляет 1960
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 05
    Общее количество слов 3601
    Общее количество уникальных слов составляет 2010
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 06
    Общее количество слов 3561
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 07
    Общее количество слов 3536
    Общее количество уникальных слов составляет 1919
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 08
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 1837
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 09
    Общее количество слов 3531
    Общее количество уникальных слов составляет 1792
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 10
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1927
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 11
    Общее количество слов 3529
    Общее количество уникальных слов составляет 1942
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 12
    Общее количество слов 3495
    Общее количество уникальных слов составляет 2029
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 13
    Общее количество слов 3468
    Общее количество уникальных слов составляет 1764
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 14
    Общее количество слов 3469
    Общее количество уникальных слов составляет 1874
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 15
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1817
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 16
    Общее количество слов 3505
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 17
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 18
    Общее количество слов 3513
    Общее количество уникальных слов составляет 1846
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 19
    Общее количество слов 3596
    Общее количество уникальных слов составляет 2039
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 20
    Общее количество слов 3470
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 21
    Общее количество слов 3462
    Общее количество уникальных слов составляет 2017
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 22
    Общее количество слов 3535
    Общее количество уникальных слов составляет 1917
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 23
    Общее количество слов 3504
    Общее количество уникальных слов составляет 1870
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 24
    Общее количество слов 3559
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 25
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1892
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 26
    Общее количество слов 3502
    Общее количество уникальных слов составляет 1894
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 27
    Общее количество слов 3585
    Общее количество уникальных слов составляет 1881
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 28
    Общее количество слов 3579
    Общее количество уникальных слов составляет 1970
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 29
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1902
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 30
    Общее количество слов 3619
    Общее количество уникальных слов составляет 1863
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 31
    Общее количество слов 3527
    Общее количество уникальных слов составляет 1924
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 32
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 33
    Общее количество слов 3523
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 34
    Общее количество слов 3477
    Общее количество уникальных слов составляет 1923
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 35
    Общее количество слов 3533
    Общее количество уникальных слов составляет 1780
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 36
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 1920
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 37
    Общее количество слов 3453
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 38
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 2051
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 39
    Общее количество слов 3456
    Общее количество уникальных слов составляет 2056
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 40
    Общее количество слов 3480
    Общее количество уникальных слов составляет 1999
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 41
    Общее количество слов 3545
    Общее количество уникальных слов составляет 1986
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 42
    Общее количество слов 3551
    Общее количество уникальных слов составляет 2061
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 43
    Общее количество слов 3528
    Общее количество уникальных слов составляет 1968
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 44
    Общее количество слов 3268
    Общее количество уникальных слов составляет 1833