Latin

Аамҭа цәгьақәа раан. - 07

Общее количество слов 3536
Общее количество уникальных слов составляет 1919
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
– Уу, ацәгьа, – лҳәеит Маниа, Марусиа илҳәаз
лажәақәа Маниа лгәы ишамыхәаз удырратәы. Уи Марусиа иаалгәамҧхакәа ус лҳәеит:
– Ыы, сыҧҳа ҭацас дбоур, дыбгәамҧхаӡои, Маниа?лҳәан Марусиа дыччо Маниа дналыхәаҧшит.
– Быҧҳа дышҧасгәамҧхои, Марусиа. Уи сыҷкәын
иаҵкьыс шәкы диеиҕьуп, аха уи иаҳәшьак леиҧш
диҧхьаӡоит. Саргьы ҧҳак леиҧш дсыҧхьаӡоит, ҧҳәысс
дигар ҟалома, ацәгьа? – лҳәеит Маниа илаҳаз ажәа лгәы
иалсны.
– Баргьы Иван ихаҭаҵәҟьа боуп. Иван иҿы абас
анысҳәа, бара беиҧш аҭак ҟаиҵеит, – лҳәан Маниа
дналҿаҧшит.
– Иван сызкәыхшоу, дҟәыҕами, ус имҳәакәа, – Марусиа «Иван иҳәеит» ҳәа илҳәаз Маниа лгәы иаахәеит.
– Ганкахьала, Ивангьы баргьы ишәҳәақәаз иашоуп,
аха даҽа ганкахь ала, шәара шәиашам. Избанзар, сара
сышәзеилымкааит, сеилышәкаазар, ус шәҳәаӡомызт.
– Бышҧеилкаатәыз? – лҳәан Маниа дыччо Марусиа
длазҵааит.
– Сышҧеилкаатәыз, бымбои? Сара Хәымса изоуп
Ростовынтәи арахь, саханы, сзааз. Уи аибашьраан иҭахаз
ҳаҷкәын даара диеиҧшын, еснагь, дызбалар сҭахуп
Хәымса. Уи сыҷкәын иҧсы ихоушәа дызбоит.
– Хәымса шәыҷкәын даара диеиҧшзар, быҷкәын
иеиҧш Хәымса дыбҧхьаӡозар, нас быҧҳа быҷкәын идкылашьас иҟабҵози? Еиҳа иеиҕьӡами иашьеи иаҳәшьеи
реиҧш, ишыҟоу, наӡаӡа иаанхар, бара бгәы ишҧаанагои,
Марусиа, аа?
– Урҭ шьала иеизааигәаӡам, ус иҟаларгьы уадаҩрак
аманы иҟаӡам.
– Ииашоуп урҭ шьала иеизааигәаӡам, ус иҟаларгьы
уадаҩӡам, бара бҳәашьала. Аха ус ианыҟало, дара бзиа
иеибабаҵәҟьозар, ауп. Аха дара бзиа ишеибабо, иашьаки иаҳәшьаки реиҧш ауп. Сыҷкәынгьы иаҳәшьа димам,
быҧҳагьы иашьа длымам. Ус анакәха, иашьеи иаҳәшьеи
реиҧш иеибабар еиҳа иеиҕьзар ҟалап. Егьыс, дара
иргәаҧхо бзиоуп. Сыҷкәын игәаҧхо дааигап, быҧҳа
илгәаҧхо диццап. Амала, иашьеи иаҳәшьеи реиҧш
акәымкәа, егьыс, бзиа иеибабозар, ҳара иеицраҳҟьар иишам. Бара ишыбҳәаз еиҧш, урҭгьы шьала иеизааигәам,
ажьрацәара иеиларгеит ҳәа рзуҳәо иҟам.
– Ус ауп, Маниа, Ивани бареи шәиашоуп. Сара исҳәақәо,
зысҳәо Хәымсеи Наташеи еснагь, сара сааигәара иҟазар
сҭахуп, азоуп, – лҳәан Марусиа дҩагылеит аҩныҟа дцарц
азы.
– Хәымсеи сареи усурантә ҳааин, ҳаҧсқәа ааиҭаҳкып,
- ҳҳәан абра ашьашәыр аҿы ҳлатәеит. Ҳара ҳаҧсы
анаҳшьоз, бара бааит, акгьы ҳнамыцҳацт. Уажәы иаарласны ҳхәы ҟасҵоит ҳлеидтәаланы акы ҳнацҳап ҳәа
Маниа Марусиа длыҳәо далагеит, аха Марусиа илымузт, «абзиараз», – лҳәан лҿаныналха, «зны баангыли,
Марусиа» – лҳәан Маниа днагьежьын амаҵурҭахь лҿыналхеит. Али-ҧси рыбжьара шәха дук ақьаад илаҳәаны
иааҟалҵан, илыманы, Марусиа дынлыхьӡан, ишылымуаз иналылҭеит.
– Иҭабуп, Маниа. Заҟантәы башәхақәа ҳабҭахьоу,
рхыҧхьаӡарагьы уаҩы издыруам, арахь есышьыжь
литрак ахш ҳабҭоит, - лҳәан Марусиа Маниа ирзылуз
пату ақәҵаны аҧсшәа нахылҳәаан, агәашә аартны,
дынҭыҵыны аҩныҟа лҿыналхеит. Маниа аамҭа мыҩтәык
мгаӡакәа, шьыбжьон ирфаша рхәы ҟалҵеит. Нас Хәымса
даалырҿыхан, рыҩџьагьы леидтәаланы акрырфеит.
Хәымсеи Маниеи акранырфа ашьҭахь, Хәымса инапы
ихы инаҵаргәаны, дхәыцуа, длатәеит.
– Узырхәыцуазеи, уан дукәыхшоуп, Хәымса, - лҳәан
Маниа лҧа диазҵааит.
– Сымхәыцкәа, сышҧамхәыцои? Сара аҵарахьы сцоит. Бара бхала ара бааныжьны. Бара бхала бзыхьӡараны
иҟои, сара сбыцымкәа. Аҵарахьы ацара саҟәыҵында,
сгәахәо ауп сшыҟоу.
– Апаспорт баша иузыҟаиҵама, Иван?
Аҵарахьы ацара мап ацәукыр, Иван дузгәаашт. Уи
иҳәатәы хоуҵар, џьара укылигоит. Аҩны иҳагхо, сара
срыцҳаушьо, уалагар, аҵара узымҵеит. Ус ухәыцыр
ҟалоума? Ус умхәыцлан, нан. Уара узызхәыцша акоуп. Уи
аҵара уҵарц, ууаҩхарц азы аҭагылазаашьа бзиа умоуп.
Уи увужьыр бзиам. Сара исылшо ала акы ааҟасҵалап.
Иҟасҵо ахәыҷы сара исызхоит. Уаргьы сынуцхраалоит. Ивани Марусиеи, изларҳәо ала, уфатә-ужәтә, уиараутәара дара ирбоит, аха саргьы ус унсыжьум, суцхраауеит. Уара иумдыруеи, имаҷымкәа аҧарагьы ҵәахны
иш-ҳамоу. Ҳаччиара ҳаналҵ, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа
рзы, ахш-хырҵәы арахә ҭины иеидаҳкылаз. Уаҳа акгьы сзацымҵаргьы аҵара ахьынӡауҵо иузхоит. Аусура
ҳәа уара узҿу, сара уи агәхьаагьы скӡуам. Ҳаҧыхьаҟа
тәанчара сцоит. Аҭаҭын аплан сықәрымҵар, рыхәҭоуп.
Амала, ишыҟарҵалац еиҧш, «бтәанчаҩызар, аус бзуӡуам»
- ҳәа, инҭыганы аџьықәреи алаҵара азин сырымҭар алшоит, аха уи сара агәхьаагьы скуам. Ҩынҩажәеи жәаба
сотих иҳаҵашәоу, сырахәи сареи иҳазхоит. Инҭыганы
аџьықәреи илаҳҵогьы, ахьыҟоу, ҳара ҳааигәара ауп.
Ихҵәаны иабаргои, зугәахәуа? Иван Иван-иҧеи, Шьрыф
Каабан-иҧеи пату еиқәырҵоит, аџьықәреи лҳарлаҵом
ҳәа Шьрыф Каабан-иҧа далагаргьы, Иван Иван-иҧа
имырҟаҵаргьы алшоит, уи хьаас иумкын.
– Аиаша бҳәеит, сан. Ирҭахызар, ҳазҭатәоу ҳадгьылгьы
хырҵәаит. Уи ҳамазкыша ҳара гәыла дҳамаӡам. Ҳгәылацәа зегьы ҳара ҳаҳаҭыр рбоит. Ихырҵәо адгьыл ҳарахә
ықәзаауеит.
Ани ҧеи ас ишеицәажәоз, Витиа агәара дааҭалеит.
Хәымсеи Маниеи гәырҕьаҵәа Витиа инеиҧылан,
аҧсшәа иаҳәаны, инеин, ашьашәыр аҿы инатәеит. Аха
Маниа ара мыҩтәык даанымгылакәа амаҵурҭахь длеит,
рхәы ҟаҵаны, Хәымсеи Витиеи акы иналырцҳарц. Маниа
амаҵурҭахь данца ашьҭахь, Хәымсеи Витиеи иеицәажәо,
итәан.
– Уаргьы саргьы, ҽнак ҳаибамбар, ҳзычҳауамызт,
уажәы, ҳаицәыхҟьеит, ҳаибамбеижьҭеи иҵуазеи, Витиа?
– Усҟан сара џьаргьы аус анызымуаз акәын. Уажәы,
аусура салагеит аихмҩаҿы. раҧхьатәи суалафахәы сау-
ит. Уи аҳаҭыр азы, ҳлеидтәалар сҭахуп азы ауп, уара уахь
сзааиз.
– Уи бзиами, Витиа. Ушьҭа ҳара лассы ҳаиқәшәашам.
Ростовҟа аҵарахьы сцоит. Уахь сцара зыбзоуроу сгәыла,
сырҵаҩы, Иван Иван-иҧа иоуп. Ростовтәи иуадақәа
ҭацәны иҟоуп, срыҩнеиҵоит. «Схарџь ала аҵара
усырҵоит, аҵара уахьҭало, иуцхрааша аҩызцәа сымоуп» - иҳәан мчыла сигоит. Арахь, сан лымала дахьаансыжьуа, сҭахым, уан ҳара ҳаалхылаҧшлауеит, – иҳәеит
Иван Иван-иҧа.
– Уи бзиами, ахьӡара анцәа иуиҭааит, паспортда
узцом, апаспорт узыҟаҵоу?
– Апаспорҭгьы Иван Иван-иҧа исзыҟаиҵеит.
– Ус акәзар уразҟы иакит, ухы бжьоумхын, - иҳәан Витиа днаилабжьеит.
– Сҽызбабжьысхуеи, аҵара ҵаны, суаҩхозар ҳәа аупеи, – иҳәеит Хәымса даахәмаршәа . Маниа амаҵурҭа
дааҩныҵын, лыбжьы аалыргеит:
– Хәымса, арахь шәлеи, акы шәнацҳап.
– Ибзиоуп, сан, уажәыҵәҟьа, ҳнеиуеит.
– Витиа, сан илҳәаз умаҳаи, - иҳәан Хәымса дҩагылеит.
Хәымса даныҩагыла, Витиагьы дҩагылеит. Рыҩџьагьы
иеицны амаҵурҭа иныҩналеит. Рнапқәа аарыӡәӡәан,
инеины, астол инахатәеит. «Арҭ шьҭа ихәыҷқәам,
рыжәтәкгьы рзаазгап», - лҳәан Маниа ауаткеи аҩи аалган,
астол инықәлыргылеит. Хәымса дҩагылан, афырџьан
аақәихит:
– Анцәа улҧха ҳаҭ, анцәа абзиара ҟаҵала, иаҳзымдыруа, анцәа ҳаҭоумҵан, - иҳәан афырџьан нҭыркәкәаны ижәит. Хәымса дҩагыланы, афырџьан шаақәихыз еиҧш, Витиагьы дҩагылеит. Хәымса ифырџьан
иҭаз ауатка ыжәны данаалга, иаргьы ифырџьан аақәхны,
Хәымса ишиҳәаз еиҧш, дныҳәа-ныҧхьаны, афырџьан иҭаз ауатка лҭыркәкәа ижәит. Нас рыҩџьагьы
леибартәеит, имццакӡакәа, ирымаз ала акрырфеит.
Урҭ акрахьынӡарфоз, даҽа ҩба-ҩба аҵәыца аҩы ржәит,
изыхәҭаз аныҳәаҿақәа кны, нас иҩагылеит. Ианыҩагыла,
Хәымсеи Витиеи, Витиа акыр даахәыцын, ус иҳәеит:
– Сара агха сыхьзар ҟалоит, Хәымса. Гәык-ҧсык ала
исҭахуп, раҧхьатәи суалафахәы ахьӡала иҟасҵо счеиџьыка афара уҽалаурхәырц. Аха уара уаҧхьа ишьҭоуп
аҧышәарақәа. Убри аҟнытә, уара узымлеит ҳәа гәыбҕан
усҭом. Аҽага акрагьы уааҟәыҵны, Ростовҟа уцаанӡа,
ушәҟәқәа урыҧхьо утәаз. Абарҭ, сара сан илысҭап ҳәа
акәын, аха уи илымҭаӡакәа, уара иусҭоит, ӡык алоужәып,
раҧхьатәи сара суалафахәы ауп, - иҳәан Витиа иџьаба
иааҭихын, раҧхьатәи иуалафахәы шеибгаз Хәымса
иџьаба инҭеиҵеит. Хәымса изгом ҳәа далагеит. Даара
иҽирххеит, аха Витиа иимҭар имуит.
– Иҵегь сымазар, иҵегь усҭон, аха абри ауп исоуз.
Анцәа иҳәаны, узызцо аҵара узҭаланы, узыҟалар, маҷк
акәзаргьы, есымза ҟәрышьқәак узынасышьҭуеит, аҵара
ахьынӡауҵо усхасыршҭуам, анцәа агәабзиара сыҭаны,
аус ахьынӡазуа, - иҳәеит Витиа.
– Даара иҭабуп, Витиа. Исзууз саҧсахааит, – иҳәеит
Хәымса.
– Сара, иахьа, абра сзааиз, уаҵәы ашьыбжьон еиҧш,
сыҩны усызлеип ҳәа акәын, аха уахь алеира аҵкьыс,
ишуасҳәаз еиҧш, утәаны уҽазыҟаҵала. Уажәы, сара
иуасҳәо, сеилымкаакәа уазхәыцыр, усызгәааргьы ҟалоит,
аха сеилкаа, суҳәоит.
– Иҭабуп, Витиа, ас зҳәо аишьа иоуп. Уара сара
усашьаҵәҟьоуп.
– Хәымса. Сара уара иашьак еиҧш усыҧхьаӡоит,
ишуҭаху сеилкаа.
Арҭ аиҩызцәа, акрыфаны иҩагылеит. Хәымсеи Маниеи аҧсшәақәа аареиҳәан, Витиа аҩныҟа дцеит. Арҭ
аиҩызцәа иеибырҳәоз, Маниа илаҳауан. Уи даара лгәы
иаахәаны ус лҳәеит:
– Аиаша иҳәеит Витиа. Уара аҵарахьы уцаразы, амҩа
уқәгылоуп, арахь аҽага уманы, аҳәсҭақәа урҭоуп. Витиа
аҩныҟа уигарц, иҽазкны, дузааит, игәырҕьара уҽала-
урхәырц. Ашьҭахь, уҭагылазаашьа шыҟаз, данахәаҧш,
раҧхьатәи иуалафахәы «ӡык алаужәып» ҳәа уџьаба
инҭеиҵеит. Утәаны, ушәҟәқәа урыҧхьала ҳәа дулабжьеит. Ас ҟазҵо, дарбан, хатәы иашьак иакәымзар? Ахатәы
иашьа ҳҳәеит, аха ахатәы иашьагьы, ус ззыҟамҵо дубап.
Иара ишиҳәаз еиҧш, уара утәаны, ушәҟәқәа урыҧхьала.
Витиа ишҟа сара сцап, уи изыгҳажьша иакәӡам.
– Сан, бара ибҳәаз иашоуп, Витиа изыгужьша иакәӡам.
Иҳамоу неидкыла-ааидкыланы, уаха анылашьцалак,
сара бсыманы сцоит. Урҭ рааигәара бнаганы саауеит.
Бара Марфуша баалыцхраалап. Уаҵәы ахәылҧаз зылашоу аҩныҟа баап.
– Аиеи, уан дукәыхшоуп.
Ахәылҧаз анааи, ҿыц еилаҵа ашә, ашәырҩа, аџьынџьыхәа, уҳәа, сумкак илҭаҵаны, лара иаанылкылеит. Ҩышықәса зхыҵуаз ашәишәи арбаҕь ашьапқәеи
амҵәыжәҩақәеи ҿаҳәаны, сумка дук илҭалыртәан
Хәымса инеилыркит. Нас Хәымсеи лареи иеицны, Витиа иахь ицеит. Уаанӡа Хәымса ишиҳәахьаз еиҧш, Витиа
иааигәара иан днеиган, иара уахь дымнеиӡакәа аҩныҟа
дааит. Маниа деикәаҳәа-еикәаҧса агәара дынҭалеит.
Витиа иан Марфуша Маниа данылба, дгәырҕьаҵәа
дылҧылеит. «Агәхьаа быҽзабыргазеи?» ҳәа лалҳәеит.
Аухантәарак Маниеи Марфушеи еицхырааны, Витиа
иҩызцәа рхәы ҟарҵон. Адырҩаҽны ҩажәаҩык рҿынӡа
Витиа иҩызцәа ааит. Ишырҳәаз еиҧш, атәара ҟарҵеит,
асааҭ ҩба рзы. Асааҭ быжьба реиҧш, Маниа аҩныҟа
дааит. Уи лгәы иалан Марфуша лысасцәа цаанӡа дахьзаанымгылаз. Уи азын Маниа аҭамзаара шьҭаҵо, абас
лҳәеит:
– Саҭамзааит, Марфуша, аҵәцақәа, ачанахқәа, ачхьыҧқәа уҳәа быцеилмыргакәа сахьцо. Уи аҭакс Марфуша ус
лҳәеит:
– Урҭ сара иҟасҵоит, бара хьаас иҟабымҵан. Сара
издыруеит бара, еснагь, бшеилахоу, бмааргьы гәыбҕан
бызҭода? Бахьааз азы сара «иҭабуп» ҳәа басҳәоит.
Маниа аҩны данааи, дахьыҟаз, илбаз, илаҳаз, акы
аанмыжькәа, зегьы Хәымса иалҳәеит. Усҟан иара
ашәҟәқәа дрыҧхьо дтәан. Хәымса дзыҧхьоз ашәҟәы,
аҧхьара дааҟәыҵын, иаҧхьа астол игылаз, инықәҵаны
даацәажәеит:
– Саргьы сцар акәын, Витиа ишҟа, аха сзымцеит, саангылеит, иара ииҳәаз хаҵаны.
Витиа иҳәатәы хамҵашьа сымамызт, саангылеит,
аха бара бахьцаз, аиаша ҟабҵеит. Бара бымцар, аиашаз, даара иҧхашьарахон. Витиа иани иареи ҳара
иаҳзырухьоу еиҧш, збахьада? Аҽага креи, аҭаҭын
аҿыхреи, арыҧхреи уҳәа инадыркны, даара ирацәаны,
аџьабаа дуқәа дҳарбахьеит. Мышкы зны, ҵарак ҵаны,
сшьапы сзықәгылар, хатәы иашьак дсымазар, изызуша,
уи изызуан. Уи иуал ҕәҕәаны, сара исыдуп. Исшәаратәы
аамҭа анцәа исиҭааит.
– Иуҳәо иашоуп, сыҷкәын. Сара уара ухәыцшьа,
даара исгәаҧхоит. Аӡәы ус дыҟоуп, егьа изуургьы,
пату ақәиҵаӡом, иҵегь сзиундаз ҳәа дхәыцуеит. Уара
ус уҟам, аӡәы иузиуз пату ақәуҵоит. Ацкы абзиара
уахьӡаны изуур, уҭахуп. Ҳәарас иаҭахузеи, уи уахьӡар,
ацкы абзиа изууеит. Ацкы абзиара изура уахьымӡаргьы
иухашҭуам, угәы иҭоуп. Уахьӡаны, ацкы, абзиара изуур
уҭахуп. Уи бзиароуп, нан. Пату еиқәҵароуп, нан. Апату
еиқәҵара ахьыҟоу ауп аҧсҭазаарагьы ахьыҟоу. Еснагь
аҧсҭазаара зауша, сыҷкәын заҵә, нан… Абас, Маниа
лыҷкәын иацәажәара дааҟәыҵын, адәахьы дындәылҵит.
Лара илҭахын, иҵегь лыҷкәын диацәажәо, иааигәара
дыҟазарц, аха диҧырхагахар ҳәа дшәаны ауп, Маниа
лыҷкәын диҧырҵны адәахьы дышцаз. Маниа лыҷкәын
иҿынтә, дындәылҵны, адәахьы данца, Хәымса уаанӡа
аҧхьара дызҿыз ашәҟәы ахьықәыз, иаақәихын, аҧхьара
деиҭаналагахт. «Хәымса, хымҧада иудыррац ухәҭоуп, уи
азы абарҭ ашәҟәқәа урыҧхьароуп» – ҳәа Иван Иван-иҧа
ҧхьатәқәас ииҭаз, ашәҟәқәа дрыҧхьеит. Иара итәала, ибзианы идыруашәа игәы иабоит. Ус агәара дааҭалеит Иван
Иван-иҧа. Маниа уи данылба, днеиҧылеит. Рыҩџьагьы
аҧсшәақәа ааибырҳәеит. Урҭ аҧсшәа анааибырҳәа
ашьҭахь, Иван Иван-иҧа Маниа длазҵааит:
– Маниа, Хәымса дабаҟоу, дызҿузеи, уи?
– Хәымса иуадаҿы дыҟоуп, аҧхьара даҿуп.
– Узыԥхьақәаша ҳәа шәҟәқәак исҭан, дшазыҟаҵоу
збар сҭахын. Уи азоуп сара сзааиз, Хәымса дызбаргьы
зысҭаху. Иара дахьыҟоу снеиуеит. Бара аҩныҟа блеи,
бызҿыз бусқәа бнарылага.
– Аиеи, Иван, иухьша сыхьааит, – лҳәан Маниа амаҵурҭа дныҩналеит. Хәымса иуада ашә даннылагыла, аҷыгәҷыгә ҳәа ашә днасит Иван Иван-иҧа. Ашә иасыз, Иван
шиакәыз, иаразнак ала идырит Хәымса. Избанзар, Маниа
лакәзар, ашә дасӡуамызт. Хәымса иани иареи рыда рыҩны
уаҳа даҽаӡәы дыҟамызт. Хәымса идыруан Иван Иван-иҧа
дааираны дшыҟаз, идиҵақәаз адҵақәа иҽшырзыҟаиҵоз
агәаҭаразы. Иван Иван-иҧа ашә даннас, иаразнак ала,
Хәымса дахьтәаз аҿынтә ибжьы аагеит:
– «Даа».
– Слеир ҟалома? – Дҵааны, длыҩнашылеит Иван
Иван-иҧа.
Хәымса иикыз ишәҟәы лықәиҵан, афырҳәа дҩагылеит.
– «Молодец», «Молодец», уара ушстудент бзиахо,
уажәнатә иҩашьом. Астудент бзиа ус ауп дшыҟоу.
– Уи макьана иҳаздыруам, сара сыстудент бзиахо, ма
сустудент бзиамхо. Уи макьана аҳәара уадаҩуп. Сара сыстудентымхаргьы ҟалоит.
– Ус зуҳәои Хәымса, иууеи, устудентымхакәа? Уара
устудент бзиахоит. Уи сара ибзианы агәра згоит.
– Сыстудент бзиахоу, сыстудент бзиамхоу адырразы,
зны аинститут сталароуп, нас саҧхьароуп, алекциақәа
сырзыӡырҩлароуп. Аҵыхәтәантәи сажәақәа ҩба сара
исылсыршоит. Раҧхьатәи ажәоуп акәымзар. Уи адырра
зылшоу дарбану?
– Аинститут узҭалоу, узҭамлоу здыруа ҳәа иҟоу сара
соуп, аха устудент бзиахоу, устудент бзиамхоу ҳәа иҟоу
уара уоуп издыррыц зыхәҭоу. Аинститут аҭаларазы,
иазхаша адырра умоуп, уҭалар иуҵоит, Егьыс, џьара
ҧырхагак уҭаны, унызкыло акыр ыҟазар, сара сувагылоит. Ус анакәха, аинститут аҭаларазы, умшәан, сара
издыруеит, уанҭала, иугәаҧхар, аҵара шулшо. Амала,
уара иугәамԥхакәа, ашәҟәқәа урмыҧхьо, аган уавалар,
уи атәы сыздыруам. Уи здырша уара уоуп. Уара уда уаҳа
даҽаӡәы идырраны дыҟам. Абарҭ иуасҳәақәаз рзы, уара
угәы ишҧаанагои, Хәымса, аиаша шсоуҳәара?
– Исашәҳәақәаз еилыскааит, исылшо ала аҵара сҵоит.
Сан лымацара Аҧсны дааныжьны, сара Ростов сцаны
сҽыбжьысхоит ҳәа аӡәгьы игәы иаанамгааит. Алекциақәа
рахь санныҟәо, сныҟәоит. Абжьааҧны, еснагь, ацәа
иаасымнахаанӡа стәаны, ашәҟәқәа срыҧхьалоит, аҧышәарақәа сҽырзыҟасҵалоит. Аха аҭалароуп, аҭалара…
– Аҭаларазы, зынӡакгьы умшәан. Сара иуасымҳәеи?
Сара исҳәо хаҵа, цхыраарада аинститут аҭалареи аҵареи
шулшо здыруеит. Ацхыраара аҭаххаргьы, цхыраарада
ушаанымхо удруазааит.
– Ус акәзар, сагьҭалоит, сагьалгоит.
– Уа уиашоуп, убас ухәыцлар ауп, аиаша.
– Уажәы узыҧхьо арбану? – иҳәан Иван Иваниҧа Хәымса дзыҧхьоз ашәҟәы ахьықәыз иаақәхны
днахәаҧшит. Ахшәҟәк иусҭаз урыҧхьахьоума?- азҵаара
ҟаиҵахт Иван Иван-иҧа.
– Ааи, срыҧхьахьеит.
– Иеилукаама?
– Ааи, усшәоуп.
– Ус акәзар, зҵаарақәак усҭоит азин суҭозар?
– Азамана. Азин шәымоуп.
Иван Иван-иҧа, Хәымса ииҭаз ашәҟәқәа рҟнытә
азҵаарақәа ииҭон, иара аҭакқәа ҟаиҵон. Хәымса Иван
Иван-иҧа иҿынтә азҵаарақәа иауаз, рҭакқәа рыҟаҵашьа
Иван игәаҧхеит. «Ари аҵара зҵо уаҩуп» ааигәахәын,
Хәымса азҵаара рацәа ниқәиҧсеит. Урҭ азҵаарақәагьы
рҭакқәа бзианы иҟаиҵеит Хәымса.
– Арҭ убоу? – иҳәан Иван Иван-иҧа иџьаба иааҭиган,
аблеҭқәа наиирбан, иаарҳәны аиҭа инҭеиҵеит иахьҭаз.
«Афырхаҵа Хәымса» – иҳәан дааирҽхәан:
– Уаҵәашьҭахь азы уҽырхиа. Уаргьы саргьы ҳаицны
Ростовҟа ҳцоит. Марусиагьы Наташагьы, ҳара Ростовҟа
ҳанцалак, ҧыҭрак аамҭа анаабжьыслак ашьҭахь, Аҟәаҟа
ицоит. Абас иҟоуп ҳара ҳусқәа. Ишдыру еиҧш, хьтәы медалла ашкол иалгаз, ҧышәарак ауп ирҭиуа. Уи «хәба» ҳәа
илзыҭир, лҩызцәа ирҭиуа, егьырҭ аҧышәарақәа лҭиӡом.
«Хәба» ҳәа илзымҭир, егьырҭ аҧышәарақәа зегь ҭины,
конкурсла дызиааир ауп аинститут дшаанахәо, аха иахьцалак, ус акә, егьыс акә, аинститут дҭалап ҳәа сгәы иаанагоит. Сара сзыршәо аҧсшәоуп, егьырҭ шылҭиуа здыруеит, аха, лара «аҧсшәа сацәшәаӡом» – лҳәоит. Уи азоуп
Наташа аинститут дҭалоит ҳәа агәыҕра шсымоу.
– Аҧсшәагьы лҭиуеит, уи азы цәшәара лҭахӡам. Уи
аҧсшәагьы бзианы илдыруеит. Класск аҿы илыцтәақәоу
«хәбақәа» змақәоу раҵкьыс лара илыҩуеит,ҿырҳәалагьы
илҳәауеит. Аҧышәарақәа зегьы рыҭира лықәшәаргьы,
илзымҭир ҳәа лыцәшәара аҭахӡам. Хәышықәса рыла,
аҧсшәа ҵаны, аҧсуаа раҵкьыс, адырра лыманы, аурыс
ӡҕаб, ламыс змоу, аҧсуа лекторк уи дҭаирхап, ҳәа сгәы
иаанагом.
– Аиеи, аха… Абри уареи сареи ҳашхәыцуа еиҧш, даргьы хәыцуазар. Ҳара ишаҳҳәо еиҧш, акәхашт аусқәагьы
шыҟало, аха ус ихәыцп ҳәа уҟоу. Хәымса, уара ишеилукаауа сыздыруам, аха Наташа, усҟак лыгәхьаа скӡам, уара
уеиҧш. Избанзар, Наташа сынтәа дзымҭаларгьы, ҳаҧхьа
дҭалоит, шәара аҧсуаа адгьыл шәадҳәалоуп «шәыдгьыл
хаҳҵәоит», анырҳәалак, шәҽаларҧсны ишәкуеит, шәҵара мыҩтәык агәхьаа мкӡакәа.
– «Адгьыл шәҭахызар, аҭаҭын ҟашәҵа», – рҳәоит.
Нас шәызҵымҵша аплан лшәықәрыжьуеит, амала аус
шәдыруеит, ус шәагьаанхоит, уаҳа џьаргьы шәзымцо.
Наташа сынтәа аҧышәара лзымҭиргьы, ҳаҧыхьа илҭи-
уеит. Уи азы сара слыцәшәаӡом. Ус ауп уаҳа иуасҳәои? Уаҵәашьҭахь адәыҕба ҳҭалоит уҽырхианы уҟаз. Уажәазы,
«абзиараз», сара сцеит, - иҳәан дындәылҵит Иван
Иван-иҧа. Хәымсагьы Иван Иван-иҧа дандәылҵуаз,
дишьҭаны дындәылҵит. Иван Иван-иҧа агәашә аҿынӡа
днаскьеиган, даагьежьит. Хәымса данаагьежь, иани иареи ацәыкәбар аҿы иааиқәшәеит. Маниа ауҭра дҭан,
Хәымсеи Иван Иван-иҧеи анеицәажәоз, уажәы, уаантәи
дшааиуаз ауп ацәыкәбар аҿы ианеиқәшәа.
– Иван арахь дааумгоз. Уи ҳара ҳҿы дмааижьҭеи, акыргьы шҵуа, уара иузымдырӡуеи?
– Издыруеит, аха дысзаамгеит.
– Уааи, ҳәа иауҳәоу?
– Усгьы сзымҳәеит.
– Уа уиашам.
– Иван Иван-иҧа дысгәылоуп, аха иаргьы саргьы
ҳаиқәлацәам, сырҵаҩ иоуп, сицәыҧхашьоит. Иара
арыжәтә ижәӡуам, аха ижәуазаргьы, сара ицызжәуама?
Сара арыжәтә зжәуазаргьы, сырҵаҩы иахьибо, изжәыр
иашоума?
– Аиеи, нас… аха иуеиҳәеи, урҵаҩы?
– Аҧышәарақәа рыҭира шсазыҟаҵоу гәеиҭан,
сирҽхәеит. Уаҵәашьҭахь азы, аблеҭқәа аахәаны имоуп.
Сымаҭәа-сҩыҭәа сеиқәбыршәароуп.
– Аиеи, нан, урҭ еиқәсыршәап, - лҳәеит Маниа.
Хәымса имаҭәа-иҩыҭәа Маниа заа иаалхәахьан. Ичамадан иҭаҵаны, игылан. Хәымсеи Маниеи, уаҵәашьҭахь
ааира иазыҧшын.
а

тәи ахы

Хәымсеи Иван Иван-иҧеи Ростовҟа рцара аамҭа
ааины иаарыдгылеит. Усҟан уажәеиҧш, автобусқәа
бжьаӡамызт ақалақьи ақыҭеи рахь, ицо-иаауа, аимадара бзиа ыҟамызт. Ахатәы машьынақәа зынӡа имаҷын.
Ақыҭа дуӡӡаҿы, аӡәык, ма ҩыџьак ракәын измаз. Усҟан
хатә машьынақәас иҟаз «москвичи», «победеи» ракәын.
Аколнхарақәагьы, шамахамзар, машьына рымамызт. Урҭ
амашьынақәа рауа ианалага, арахь, иҵегь, аамҭа анааскьа ауп. Амала, Шларҭаҧаа рколнхара ахатәы машьына аман. Уи аколнхарақәа рҟнынтә, раҧхьаӡа амашьына
зауз ақыҭақәа ируакын. Шларҭаҧаа ирымаз амашьына «Полуторка» ҳәа иашьҭан. Уи ала аҭаҭын денгьқәа,
ақалақь аҿы иҟаз, аҭаҭын шьҭаҵарҭахь иганы иарҭон.
Амашьына змамыз аколнхарақәа, аҭаҭын денгьқәа,
аҭаҭын шьҭаҵарҭахь изларгоз ҳәа ирымаз атачкақәеи,
ацәуардынқәеи, аҽыуардынқәеи ракәын. Шларҭаҧаа,
аҭаҭын адкылара аамҭазы, аҭаҭын денгьқәа машьынала
ианыргалак, уи аҽны, ақалақь ахь ицақәоз, «р-Полуторка»
аҭаҭын аҭаны, игьежьны ианаауаз, иазыҧшны, амҩан
игылалон, аҩныҟа иаанагарц азы. Абжьааҧны, ашәыр
ҭираз ицақәоз, ршәыр ҭины ианаауаз, ршәыр зларгоз
атачкақәеи, ацәуардынқәеи, аҽыуардынқәеи рыла акәын
ишаауаз. Убас адәыҕбаангыларҭа иазааигәақәаз дәыҕбала
иаауан, ицон. Ақыҭа уаа еиҳарак, ақалақь ахь шьапыла
ицаны, иаауан. Иҟан ақыҭақәа ҩажәеи хәба, ҩажәеижәаба
километра ахьыбжьаз, ақалақь агәҭеи, ақыҭақәа рыгәҭеи
рыҟнытә. Иван Иван-иҧеи Хәымсеи ақалақь ахь ицаны,
уа адәыҕба иақәтәар аҵкьыс, Витиа иаҧхьа иҟаз адәыҕба
аангыларҭа станциа еиҳа ирзааигәан, шьапыла илеиргьы алшон. Ус егьыҟарҵеит дара. Хәымсеи Иван Иваниҧеи Витиа иҿы иаангыларц илеит. Урҭ уа рлеира Витиа иани иареи даара ргәы иахәеит. Ишнеиз еиҧш, рхәы
ҟаҵаны, акрырҿарҵеит. Урҭ акранырфа ашьҭахь, ирласны
ишьҭарҵеит, шьыжьымҭан, заа игыларц.
Марфуша, шьыжьымҭан, заа дгыланы, лысасцәа ачаи
рызлыршит. Иван Иван-иҧеи Хәымсеи ачаи ыжәны,
аҧшәмацәа аҧсшәа раҳәаны, агәашә инҭыҵны ицеит. Урҭ анцоз, Марфуша, Хәымса иџьаба ҟәрышьқәак
нҭалҵеит, иара ишимуаз.
– Ари стәанчахәы ҳәа исоуз ауп. Сара сҿынтә лымкаала иусҭоит, - лҳәеит Марфуша.
Усҟан, атәанчахәы зауаз аусуцәеи амаҵура иалақәази
ракәын. Ақыҭаҿы инхоз зегьы аколнхара иалан. Аколнхацәа атәанчахәы рауа акәымзт, рыхьӡҵәҟьагьы ҽеишәа
ирыздыруамызт, иажәызгьы, ичмазҩызгьы ишырҭаху,
иҧсаанӡа рхы рбалар акәын.
Витиа дахьынхози, адәыҕбаангыларҭа станциеи
мыҩтәык рыбжьамызт. Ршьапқәа мҟьашьӡакәа, аамҭа
кьаҿла, инеит астанциаҿы, уаҟа дәыҕбала џьара ицақәоз,
ҩажәаҩык инареиҳаны иҟан. Урҭ зегьы аблеҭқәа
аахәаны, адәыҕба ааира иазыҧшны итәан, аҭыҧ
зауқәаз, егьырҭ, гәыҧ-гәыҧла еидгыланы, иеицәажәон.
Акрыҭираз иааиқәаз рхыҧхьаӡара рацәан. Ажәак ала
иуҳәозар, авокзал абарҵеи, аперрони уаала иҭәын. Ус
адәыҕба ааин, иззаӡа иаангылеит. Ара адәыҕба акыр
иаангылон аҟнытә, апасажьырцәа мццакӡакәа акәын
авагонқәа ишырҭалоз. Ара иҟан «абарҭ џьаргьы ицом»
ҳәа ззуҳәаша пасаџьырцәакгьы. Урҭ џьоукы тәаны, џьоук
гыланы аицәажәара иаҿын. Адәыҕба анықәҵуаз, аамҭа
рдыруан, аамҭа анааи, ашьшьыҳәа, авагонқәа рҭалара
иналагеит. Хәымсеи Иван Иван – иҧеи адәыҕба шаангылаз еиҧш, инҭаланы, рҭыҧқәа рҿы инеины, итәахьан.
Хәымсеи Иван Иван-иҧеи раҧхьа иахьеибадырыз, аҭыҧ
аҿы акәын, адәыҕба ааиааинӡа еицәажәо иахьгылаз.
Арҭ зегьы игәалашәон Иван Иван-иҧа. Хәымсагьы уи
игәалашәозар акәхарын, аха уи аӡбахә аӡәгьы иҳәомызт.
Хәымсеи Иван Иван-иҧеи зҭаз адәыҕба акраамҭа,
араҟа, игылан. Аҵыхәтәан еиха-еигәо, «уаҳа злоу иҧсра
убеит» аҳәозшәа ашьшьыҳәа инаҵысит. Ашьшьыҳәа,
арельсқәа ирықәланы инеиуан ари адәыҕба. Хәымса
адәыҕба ахышә ихы нылакны дыҧшуан. Убасҟан, акыр
зхыҵуаз гәалашәарак ихаҿы иаацәырҵит. Усҟан Хәымса
ианду лаҳәшьаҧа, Сыкәыни иареи, уи аҽны, рведрақәа
рызна аҧҳәаса рыманы иааит. Мыҩтәык иадымхалакәа
ирҭиит дара ирымаз рыҧҳәасақәа, аха урҭ рыҩныҟақәа
имцакәа, ара иҟан. Адәыҕба ақәҵра минуҭқәак шагыз,
Сыкәын даацәажәан:
– Хәымса, уааи, «ҳкатааип»
– «Ҳашҧакатааиуеи», Сыкәын?
– Абри адәыҕба андәықәлалак, амардуан ҳҩаҿагылар,
уа ҳшаҿагылоу, ҩахьхьи, архәара аҿынӡа ҳцоит. Уа
иҩеиаанӡа ашьшьыҳәа ауп ишцо, адәыҕба. Уа ианҩавслак,
нахыс ауп, иҕьны ацара ианалаго. Сара ари адәыҕба ус
акырынтә сақәтәахьеит. Иахьысҳәаз аҭыҧ аҿы ианнеилак ауп, иҕьны иандәықәло. Уа инеиаанӡа, авагон
амардуан амаа кны, ушьапы лышьҭарсны, уаваҩуа, акыр
уаннеилак, иаауужьуеит. Ианауужьлак ашьҭахьгьы иаразнак уаанымгылакәа, ушыҩыц уҩуеит. Нас маҷ-маҷ
уаангыло, уҿынаухоит. Ус ушнеиуа уагьаангылоит, уаҳа
аҭахӡам. Сыкәын Хәымса ас игәы анақәирбзиа, мап
мҳәаӡакәа дақәшаҳаҭхан, «бзиоуп, ҳкатааип, нас, иуҳәаз
сазыразуп», – иҳәеит Хәымсагьы. Уи акәхеит, адәыҕба
анынаҵыс, аҵыхәтәантәи авагон Хәымса днаҿагылеит.
Уи ахантәи авагон амардуан Сыкәын днаҿагылеит.
Сыкәын иахьиҳәаз аҭыҧ аҿы ианнеи, уаанӡа, ишиҳәахьаз
еиҧш, авагон амаа шикыз, ишьапы лықәырсны, авагон
даваҩуа дышнеиуаз, амаа ахьикыз, иаауижьын, акыр
дыҩны даннеи, ашьшьыҳәа, даангылеит. Хәымсагьы ус
ҟасҵоит ҳәа далагеит, аха изымгәаҕьит. Дшәеит Хәымса.
Адәыҕба ласны идәықәлеит.
- Уҧа, уҧа, адәыҕба ушьҭа нахыс, ирласны ицоит, –
ҳәа Сыкәын ибжьы гон. Убри аамҭазы, Сыкәын дшыҧаз
еиҧш дыҧар, авагон даҵаҳар ҳәа дшәан, ус акәымкәа,
авагон амаа ааужьны, Хәымса ишилшоз ала, деиҵасны
дууаӡа дыҧеит, авагон дмаҵаҳарц азы. Убри аамҭазы,
ихы иҭамшәеит, иара дшыҧаз еиҳа ишшәарҭаз. Хәымса
дахьылкаҳаз, аҧслымӡра рцәҳәны, жәабаҟа метра дагеит. Иара амардуан дахьаҿагылаз, аҵыхәтәантәи акәын.
Уи акәымзар, ҳәарада, авагон даҵанажьуан.
Аҧхьаҩ қәыҧш, ус уҳәар ҟалоит: «Авагон амаа кны,
ҿагылашьас иҟаиҵазеи» – ҳәа.
Насгьы адәыҕба аҿанынахо, ашьшьыҳәа аҽшҧаҿанынахо ҳәа. Усҟан, авагонқәа ирывыҳәҳәо акәын
амардуанқәа шрымаз. Адәыҕба андәықәлоз, раҧхьа
ашьшьыҳәа идәықәлон, нас маҷ-маҷ аныҟәашәа ацнаҵон. Уи бзианы издыруа, усҟан ихәыҷқәаз, иахьа шәара шәаҵкьыс акырӡа
иеиҳақәоу, сара сықәлацәа роуп.
Сыкәын дахьгылаз Хәымса ихьыз ибон. «Ҳаи, Хәымса
адәыҕба дашьит, сара сымшала», – иҳәан Хәымса
дахькаҳаз, днеины днеихагылеит, аха Хәымса дыҧсит
ҳәа ауп, уаҳа издыруам, иҧсы маҷхан дкажьын. Хәымса
дырҳәазаны ашьашәыр ахь днеигеит Сыкәын. Акраамҭа
Сыкәын Хәымса дихагылан. Маҷ-маҷла аҧсмаҷра
алҵра дналагет. Ус Хәымса иҧсмаҷра дшалҵрыз даалҵит. Хәымса иарҕьарахь ала ижәҩахыри игани зегь
цәҕәыхааны, ашьа иаганы иҟан. Сыкәын Хәымса ижәҩа
даҵагыланы, ииулак, аҩныҟа диманы дааит. Урҭ аҩны
иахьааиз Маниа лыҷкәын ас данылба, лгәы цаны дхыџьхыџьуа, лыҧсы лзеивымго, аарлаҳәа ус лҳәеит:
- Иухьзеи, сыҷкәын, узшьыда?
- Бымшәан, сан, аӡәгьы симшьӡеит. Адәыҕба адәықәламҭаз, «уҧҳәаса аасхәоит» – иҳәан сведра азна
аҧҳәаса шыҟаз игеит, авагон-мҩаҧгаҩ, аха уи уаҳа
дмааиӡеит. Дмааизшәа анызба, авагон амаа кны
сҩахьынҳалан, сҩыхәнеит. Авагонмҩаҧгаҩ дыҧшааны,
сҧарақәеи сведреи имсхаанӡа адәыҕба дәықәлеит.
Адәыҕба шцоз, смыҧар ада ҧсыхәа смоузт, сыҧеит.
– Ак ухьыр, сызшьуадаз, нан сара еиҭамҳәа, - лҳәеит
Маниа, лылаҕырӡқәа лгәы иқәыжжуа.
Маниа аӡы рҟәанданы лыҷкәын дылкәабеит. Ахәахәара ахәшә ҟаҵаны илыржәуа мацара акыр дырианы
дылбон.
Уажәы, Хәымса дызҭаз адәыҕба, иара аамҭала зны,
«дахьыҧаз» аҭыҧ аҿы даннеи, ибар иҭахымхазт, ахышә
ихы кылакны, иахьикыз, иаакылихын, Иван Иван-иҧа
дахьтәаз, акупе аҿы днеины днаиватәеит. Усҟан Иван
Иван-иҧа акупе ирыцҭаз ахаҵа диацәажәо дтәан.
Аамҭа цон, адәыҕба цон. Уажә ҩынтәын Хәымса
Урыстәыла дцоижьҭеи. Уи раҧхьа Урыстәыла данцоз дхәыҷын, уажәы, дқәыҧшуп. Раҧхьа дахьцоз ауп,
уажәгьы дахьцо, раҧхьа дызлацаз ауп, уажәгьы дызлацо.
Аха усҟан дызхацоз хазын, уажәы дызхацо, зынӡак ихазуп. Амҩа дықәуп Хәымса. Амҩа лаша, аҧсҭазаара бзиахь дызго. Аҧсны аҳәаа днахыҵын, Урыстәыла акаршәра
днанылеит.
Адәыҕба Ростов авокзал аҿы инеираны ианыҟаз,
аамҭа иахмырҧакәа инеит. Абжьааҧны џьара дыҟаны
данаауа еиҧш, уажәгьы атаксиқәа раангыларҭахь днеит
Иван Иван-иҧа. Уи дишьҭан Хәымса.
Хәымсеи Иван Иван-иҧеи атакси азы агәаран
иқәгылан. Ростов Иван Иван-иҧа дахьиз, ахьизҳаз, иқалақь гәакьа ауп. Аратәи аҭыҧқәа зегьы бзианы идыруеит, дрышьцылоуп. Аибашьра ҟалаанӡа, аҩн дуқәа
идыргылақәаз, аибашьраан, иҟәыбаса иеиларыжьқәаз
ықәганы, уажәы, зыргылара иаҿқәоу, уҳәа зегьы џьашьаны дрыхәаҧшуан.
Хәымса раҧхьа Ростов даныҟази, уажәи зынӡак еидукыло иҟамызт. Усҟан еиҳа ирацәан, ибылны, иҟәаҟәаса
еилажьыз аҩны хыжәжәарақәа. Уажә, урҭ ықәганы,
рҭыҧқәа рҿы, аҩн ҿыцқәа рыргылара иаҿуп. Аҧыхьа
аасҭа, иахьа, еиҳа ақалақь ахаҿы аҧсаххьеит. Аха уажәгьы,
ақалақь лахҿыхӡа, иҧшӡаӡа, ахы иақәгәырҕьо иҟамызт.
Макьана ақалақь агәы шеиқәыц еиқәын. Иван Иван-иҧеи
Хәымсеи ччаҧшьк рхы-рҿқәа ирықәымкәа,еиқәышьшьы
иҟан. Иван Иван-иҧеи Хәымсеи ргәаран анааи, иааины раҧхьа иаангылаз, атакси иҩақәтәан, рацәак амҩа
иқәымхакәа Иван Иван-иҧа дзыҩназ аҩн ду аҧхьа иаангылан, иллыбааны, иуадақәа рахь иҩыхәнеит. Аҟәыкфҩы
рыҩншәшәо иҟан ауадақәа, ҧшак ааҩнамсижьҭеи
акраамҭа шҵуаз ҩашьомызт. Иван Иван-иҧеи Хәымсеи
иеицхырааны, ашәқәеи аҧенџьырқәеи аадыртит. Аҧша
ааҩнадыршәшәеит ауадақәа. Уаҩы идырратәы, иаразнак ала, аҳауа ҟәкы аҩныҵра иналагеит. Аҧенџьырқәа
шаартыц, иаартын. Иван Иван-иҧа днеин, ашифонер
ахы иқәгылаз чамаданк ллыбаиган, альбом ааҭиган,
ахәаҧшра дналагеит. Уи альбом днахәаҧшны, Хәымса
днаихәаҧшуан, нас даақәыҧсычҳауан. «Сыҷкәын
дымҧсӡеит, абар дахьыҟоу» ҳәа Хәымса дихәаҧшуан.
Хәымса иакәзар, Иван Иван-иҧа иҟаиҵақәо омашәа
ибаны дихәаҧшуан. «Абри абра даҧшәыманы дҟалар,
Марусиеи сареи ҳразҟы иакуан, ҳаҷкәын дыҧсым, иҧсы
ҭоуп. Ааи, Хәымса ҳаҷкәын даара диеиҧшуп», дхәыцуан
Иван Иван-иҧа. Изыҩназ рыҩны, актәи аихагылаҿы,
афатә ҭирҭа магазин ыҟан. Хәымсеи Иван Иван-иҧеи,
амагазин ахь иллыбаан, ирфашаз афатәқәа аархәан,
асумка инҭарҵан, Хәымса иааникылеит. Иван Иван-иҧа
дыздырқәоз рацәан. Урҭ данырбалак, иааины, аҧсшәа
иарҳәон. Амагазин аҿы иахьыллыбааз, акыр иаанхеит.
Нас иеицны иҩхалан, рыкрыфарҭаҿы, инеины инатәеит.
Араҟа, урҭ акрыфаны, азал ахь инеит. Арадио наҿаркын,
аухантәарак иазыӡырҩуан. Хәымса раҧхьа арадио аниба уамашәа ибеит. Избанзар, иара арадио имамызт.
Иара иқыҭаҿы арадио змақәаз даара имаҷын. Иван
Иван-иҧеи Хәымсеи ианышьҭалоз арадио дырҧсит.
Иван Иван-иҧеи Хәымсеи шьҭалаанӡа Иван Иван – иҧа
Хәымса иеиҳәеит:
- Хәымса, абри ауадаҿы, аҧышәарақәа уҽырзыҟаҵала.
Аҧышәарақәа ҭины уанрылгалак, асахьаркыратә
шәҟәқәа срыҧхьандаз анугәахәуа, абар узыҧхьаша
ахьыҟоу, – иҳәан Иван Иван-иҧа Хәымса абиблиотекаҿ
днаганы иирбеит. Ара иҟаз ашәҟәқәа уамашәа ибаны
дрыхәаҧшуан Хәымса. Убасҟан, усгьы, Хәымса игәы
иаанагон: «Ирыбаргәузеи, абас ашәҟәқәа зманы, еснагь,
итәаны, ирыҧхьало» ҳәа. Иван Иван-иҧеи Хәымсеи
адырҩаҽны ианыҩагыла, шьыжьхьа анырфа ашьҭахь,
Иван Иван-иҧа ус иҳәеит:
– Хәымса, сара аинститут аҿы, сцаны, удокументқәа
асҭоит, уара ара уҟаз, аҧышәарақәа уҽырзыҟаҵала.
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аамҭа цәгьақәа раан. - 08
  • Части
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 01
    Общее количество слов 3616
    Общее количество уникальных слов составляет 1944
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 02
    Общее количество слов 3620
    Общее количество уникальных слов составляет 1841
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 03
    Общее количество слов 3607
    Общее количество уникальных слов составляет 1900
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 04
    Общее количество слов 3647
    Общее количество уникальных слов составляет 1960
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 05
    Общее количество слов 3601
    Общее количество уникальных слов составляет 2010
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 06
    Общее количество слов 3561
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 07
    Общее количество слов 3536
    Общее количество уникальных слов составляет 1919
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 08
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 1837
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 09
    Общее количество слов 3531
    Общее количество уникальных слов составляет 1792
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 10
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1927
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 11
    Общее количество слов 3529
    Общее количество уникальных слов составляет 1942
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 12
    Общее количество слов 3495
    Общее количество уникальных слов составляет 2029
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 13
    Общее количество слов 3468
    Общее количество уникальных слов составляет 1764
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 14
    Общее количество слов 3469
    Общее количество уникальных слов составляет 1874
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 15
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1817
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 16
    Общее количество слов 3505
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 17
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 18
    Общее количество слов 3513
    Общее количество уникальных слов составляет 1846
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 19
    Общее количество слов 3596
    Общее количество уникальных слов составляет 2039
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 20
    Общее количество слов 3470
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 21
    Общее количество слов 3462
    Общее количество уникальных слов составляет 2017
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 22
    Общее количество слов 3535
    Общее количество уникальных слов составляет 1917
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 23
    Общее количество слов 3504
    Общее количество уникальных слов составляет 1870
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 24
    Общее количество слов 3559
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 25
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1892
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 26
    Общее количество слов 3502
    Общее количество уникальных слов составляет 1894
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 27
    Общее количество слов 3585
    Общее количество уникальных слов составляет 1881
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 28
    Общее количество слов 3579
    Общее количество уникальных слов составляет 1970
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 29
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1902
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 30
    Общее количество слов 3619
    Общее количество уникальных слов составляет 1863
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 31
    Общее количество слов 3527
    Общее количество уникальных слов составляет 1924
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 32
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 33
    Общее количество слов 3523
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 34
    Общее количество слов 3477
    Общее количество уникальных слов составляет 1923
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 35
    Общее количество слов 3533
    Общее количество уникальных слов составляет 1780
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 36
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 1920
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 37
    Общее количество слов 3453
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 38
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 2051
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 39
    Общее количество слов 3456
    Общее количество уникальных слов составляет 2056
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 40
    Общее количество слов 3480
    Общее количество уникальных слов составляет 1999
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 41
    Общее количество слов 3545
    Общее количество уникальных слов составляет 1986
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 42
    Общее количество слов 3551
    Общее количество уникальных слов составляет 2061
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 43
    Общее количество слов 3528
    Общее количество уникальных слов составляет 1968
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 44
    Общее количество слов 3268
    Общее количество уникальных слов составляет 1833