Latin

Аамҭа цәгьақәа раан. - 25

Общее количество слов 3589
Общее количество уникальных слов составляет 1892
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
иҳалымшар ҟалоит, хәыҷык ҳаҧсқәа ааиваҳгап. Насгьы иҳақәымшәо ҟалар алшоит. Еиҳа еиҕьуп уаҵәы
ашьыжь ҳцар, – иҳәеит Ливук, Стефа илҳәаришь ҳәа
длыхәаҧшуа.
Ливук иблахаҵ гьежьуамызт, акалашәагьы ихы ибомызт, игәы бзиа, ихы бзиа, анцәа ишиҳәара дыҟан
агәабзиараз. Аха Стефа акониак илжәыз афҩы лхын.
Уи арыжәтә афҩы шылхыз, амилициацәа рахь дигар
иҭахымызт, иҧхеишьон. Уаҵәы шьыжьымҭанынӡа
ишҧалхымҧсаари ҳәа игәы иаанарган ауп, аҽны уахь
ацара шахирҧаз. Стефа ахәылҧаз еиҧш хәыҷык акы
днацҳаит, чаик лжәит, нас дынҭаҳангьы дыцәеит. Адырҩаҽны шьыжьымҭангьы заа дгыланы рхәы ҟалҵеит.
Рҩыџьегьы леидтәаланы, акрырфеит. Ада ҧа бҕьы ршны
илиржәит, акониак афҩы лыхнахуеит ҳәа. Нас рҩыџьагьы
иеицны амилициа рҿы иааит. Ашә ишынхыҵыз еиҧш:
«Ливук Стефа арахь шәааи. Ашшыҧхьыӡ ҩны шәыхьӡала
Аҧсныҟа иаҳашьҭыз, аҭак ааит. Шәааи, шәасырҧхьоит!»
– иҳәеит усҟан изацәажәаз амилициа. Стефеи Ливуки
ныҩнашылеит. Иара иаацәыригеит адокументқәа чаҟәаӡа.
Ҭина, Марҭа, Џыр, Кәасҭа иара убас Марҭеи Ҭинеи
Шиаулиаинтәи ианаауаз амҩан ирықәшәаз Шәачатәи
аҧҳәыс, агәылацәа уҳәа аӡәырҩы ирҿырхыз рҿахәқәа.
Урҭ зегьы акакала дырзаҧхьеит. Аха иарбанызаалак
џьара иаҳәомызт Ҭина дызкышаз аус.
Рыҩны, рынхашьеи рынҵышьеи зегьы иашаны ишыҟаз ианырҵеит.
Стефеи Ливуки аҿахәқәа ирыҧхьаны ианалга, ирҳәарыз рзымдыркәа акраамҭа ҿымҭӡакәа игылан, ирҳәаша рҿашәомызт. Убасҟан ашәҟәқәа дзырбаз амилициа рҩыџьагьы рыцҳашьаны дынрыхәаҧшит.
– Уажәшьҭа шәыгәқәа ҭынчхоу?
– Ааи, ҳагәқәа ҭынчуп.
– Уи шәара шәкалыжьуам, ддухар, шәылбалоит, шәара
шәылбартә шәхы шәзымҩаҧгар.
– Иҟало аабап, ҳаҭамыз, аџьабаа ду ахьшәҳарбаз, –
рҳәан изацәажәоз инидҵны рҿынархеит Стефеи Ливуки.
– Абзиара шәзыҟалааит, абзиара шәақәшәааит, –
иҳәеит амилиционер Стефеи Ливуки амилициа рҿы
ишааҩныҵыз еиҧш, уаҳа ҿымҭӡакәа ишиашаз аҩныҟа
иқәланы ицеит.
Ажәабатәи ахы
Стефа амилициа рҿы дыҟан, данаа ашьҭахь, ԥыхьақәа
реиҧш акәымкәа, уашьҭа акыр лҽеиқәылкуа далагеит. «Диашоуп Марҭа. Сара сиашамра еилылкааит.
Нас ларгьы сара сеиҧш, ииашам амҩа данылозма?
Ҳәарас иаҭахузеи, ус ҟалар диашахомызт Марҭа. Усҟан
илцәыӡуан уаҩыла ибеиаз, лаби лаб иашьцәа зегьи. Иара
убас, илцәыӡуан лыҧсадгьыл – Аҧсны. Уажәы лара
Аҧсныҟа дахьцаз, аиаша ҟалҵеит. Марҭа слызгәаар сиашахом сара. Амала сынтәа ашкол дызҭамлакәа даанхар,
дрыцҳами, баша шықәсык лцәыбжьахоит. Лара раҧхьа
ашкол дахьҭалазгьы, дахьиз, дахьааӡаз, акәын. Марҭа
ашкол дҭалаанӡагьы Џыр дицны лассы-лассы ашкол ахь
дцалон. Ашкол аҿы аҩызцәа лыман. Аҩызцәа лыман иара
убас дахьынхоз, агәыларагьы. Урҭ зегьы Марҭа ибзианы,
илгәалашәоит. Иҟалап даргьы лара дыргәалашәозар.
Урҭ лҩызцәа дрыцны ашкол далгозар бзиан, аха заҟа
рҿы дтәаз ҳәа изырҵабыргуа ашәҟәы ҳәа акы лыцым.
Убри ашәҟәы абра лара дахьҭаз ашкол аҿы ирымхны
ишьҭызар, еиҳа иеиҕьуп, слызгәааӡар аҵкыс. Насгьы
Ҭина, ҧыхьатәи сара санхәыҧҳа пату шсықәылҵоз,
сшылҭахыз аасгәалашәар, Марҭа дӡаны дшылымгазгьы
здыруан, амилициа рахьгьы адырра ҟасҵомызт, аха исыхьыз лара исаналыжьып ҳәа сгәы иаанагоит. Уи лыдагьы
егьырҭгьы саҭарҵарым. Захар, уи иуацәеи иҭынхацәеи,
игәылацәеи, иҩызцәеи уҳәа сыздыруа зегьы. Ааи, хымҧада, ашкол аҿы сцаны ашәҟәқәа рымсхроуп», абас
дхәыцуан Стефа. Уажәы Ливук иасҳәар, ииҳәо саҳап, –
лҳәан Ливук иахь Стефа лыбжьы налыргеит:
– Ливук, уабаҟоу?
– Ара сыҟами, – иҳәан егьи иуада аҿынтә ибжьы ааиргеит.
– Араанӡа уааи, ак уасҳәоит.
– Уажәыҵәҟьа снеиуеит.
Усҟан Стефа Ливук дахьиҧхьаз даахьхәын «Ливук
аранӡа дзаазгои, сара иара иҿы сымнеиуеи» аалгәахәын,
Ливук ашәҟәы даҧхьо дахьтәаз, днаидтәалан, дааиацәажәеит:
– Ливук, сара исхәыцуаз удыруоу?
– Мап, исыздыруам.
– Марҭа лзы сахьгәааз сиашам, сиашам иара убас
«Ҭина Марҭа дҕьычны дылгеит» ҳәа амилициа рахь
адырра ахьыҟасҵазгьы.
Уа агха ҕәҕәа сыхьит. Уажәы Марҭа ашкол дҭарҵар
рҭаххашт, аха адокументқәа рымаӡам. Адокументқәа
арантәи илмоуӡар, уаагьы иҟарҵар алшоит, аха ара ашкол аҿы иаарымхны ишьҭызар, еиҳа еиҕьуп ҳәа сгәы иаанагоит. Уара угәы ишҧаанагои? – лҳәеит Ливук иҿаҧхьа
азҵаара нықәлыргылан Стефа.
– Ҳәарас иаҭахузеи, бара биашоуп Стефа. Убас ҟаҳҵар,
ҳаццакцәарагьы џьара иаахнаҩауеит.
– Ашкол ахь сара сцоит, бара бсышьҭуам. Избанзар,
сара издыруеит уи ашкол ахь ацара бара ишыбҭахым –
иҳәеит аҧхьара дызҟәаҵыз Ливук ишәҟәы иаҧхьа астол
инықәҵо.
– Ливук, ашкол ахь ацаразы, сцоит аха, уара иудыруоу
сара ашкол ахь ацара зысҭахым?
– Ааи, ҧыҭқәак здыруеит, аха зегьыҵәҟьа сыздыруам,
– иҳәеит Ливук иааркьаҿны.
– Адирктори Марҭа лыкласс анапхгаҩи сзырҿаҧшуам.
Урҭ иуаа бзиақәаӡам, ахәыҷқәа еилырхуеит.
– Бара бакәым, излоу реилазаарагьы ирҭахӡам ҳәа
рҳәоит. Марҭа лыкласс анапхгаҩы ашшцәа рацәаҩны
иоун, акласс анапхгара аҟнытә ихы дақәыиҭыртәит ҳәа
саҳаит. Исаҳаижьҭегьы шьҭа хымшҟа ҵуеит, аха бара
бҿы исзымҳәеит акәымзар.
– Иухьи Ливук сгәалаҟазаара зеиҧшроу умбаӡои?
Исауҳәар сгәалаҟазаара бзиахар ҳәа ушәама? Адиректори
иареи ирхароу рацәоушәа збоит Марҭа Аҧсныҟа лцара.
– Ҳәарас иаҭахузеи, ус акәзаргьы ҟалоит. Уи акласс
анапхгаҩы иеиҧш адиректоргьы иамхра азҵаара
ықәгылоушәа рҳәоит, – иҳәан Ливук иааиҿыҵҟьеит. Ливук ари ажәа иҿыҵҟьаз даара ицәымыҕахеит, избанзар
уи макьана, ииашоу, ииашаму еилкааны имаӡамызт.
Ливук еснагь ҟазшьас иман цқьа еилкаамкәа изымдыруа џьара амҳәара. Ари аҟазшьа иара даара ҳаҭыргьы
ақәиҵон. Џьара аҳәара акәым, бзиа иибо иҧшәма
лҿыҵәҟьа аҳәара иаҧсам ҳәа иҧхьаӡон, дыҧҳәысми,
аҳәса агәҭакы рымам. Аҧҳәыс лҿы иуҳәаз агазеҭ иануҵаз
иаҩызоуп.
– Убригьы дамырхуа анцәа иҳәааит, – лҳәан Стефа илаҳаз ажәабжь лгәы ишаахәаз удырратәы лхы-лҿы
иааныҧшит. Уи лхы-лҿы аччара иаақәыххыз, Ливук
илаҧш аннақәшәа, иаргьы игәы иаахәан, «уажәраанӡа
исҳәар акәымзи» ааигәахәит, аха игәы иаанагоз, Стефа
лҿы акгьы имҳәеит. Стефа лгәы иаахәозар иҳәан Ливук
ашкол ахь ацара зынӡак ишиҭахымызгьы ус иҳәеит:
– Стефа, ибҭахызар саргьы сбыццап, ашкол ахь бахьцо.
– Ушәҟәы узыҧхьо иугәаҧханы уаҧхьоит. Уи аҧхьара
ушаҿу уалгар, еиҕьушәа збоит, уалга узыҧхьо. Марҭа
лдокументқәа раагаразы, ҳҩыџьагьы ҳаҭахымхаргьы
ҟалап, – лҳәеит Стефа.
– Ибзиоуп, нас бца, ашкол ахь. Иаага Марҭа лдокументқәа. Бара ишыбҳәаз еиҧш, бныҟәа, Марҭа лдокументқәа
лықәшәар, лгәы иаахәап, ргәы иаахәап лара дзааӡо
аҭаацәара. Пату ақәырҵап, уаатәи арҵаҩцәагьы, – иҳәан
Ливук, абжьааҧны еиҧш, уажәгьы дҟәыҕаны даацәажәеит.
– Аиеи, сцап. Ус еиҳа иеҕьуп, – лҳәан егьи ауада дныҩналан аҽеилаҳәара дналагеит.
Лҽеилаҳәара митәык дадымхалеит. Стефа иаарласны,
лҽеилаҳәаны, ауада дааҩныҵит. Усҟан Ливук ашәҟәы
аҧхьара даҿын.
– Сара сцеит, – лҳәеит Стефа, Ливук лхы наиқәкны.
– Бца, – иҳәеит Ливук ишиҟазшьаз еиҧш, иажәа ааркьаҿны.
Стефа данындәылҵ Ливук длызхәыцуан: «Изакәытә
лаҕырӡузеи уи лыҧҳа лзын икалҭәаз, аиашаз, уи агәыхь
илызнарҵысыз дагоит, ма дархагахоит ҳәа акәын са сгәы
ишаанагоз, аха лыҧсгьы еиқәхеит, уи агәырҩа хьамҭа
илҭааз. Лҽамылхит, избанзар дҟәыҕан. Ҟәыҕарыла аныҟәара, еснагь ауаҩы деиқәнархоит. Ҳәарада, ушьҭа Стефа
акгьы лыхьуам, уи лиашара деиқәнархоит».
Стефа агәашә дшынҭыҵыз еиҧш, Ливук иҩызак машьынала дааиуан. Уи Стефа даниба, даангылан, ибжьы
наиргеит:
– Бабацои, Стефа? Стефа дахьцоз лҳәеит.
– Бааины бақәтәа, устәиалоуп сара сышцо. Стефа
лшьаҿақәа аалырццакын, иаангылаз амашьынахь, лхы
рханы лҿыналхеит. Амашьына даннадыххыла, аныҟәцаҩ
ашә аартны, «бааины бҭал», – иҳәеит. Стефа дааццакны
зышә аатыз амашьына днақәтәеит, дышнақәтәаз еиҧш,
амашьына аҿынанахеит. Ари Ливук изааигәаз ҩызан
аҟнытә, уажә ааигәа, Ливуки иареи анеиқәшәа иаиҳәеит
Марҭа Аҧсныҟа дышцаз, уи лзы ируз-ирҳәаз зегьы.
Ажәак ала иуҳәозар, уи идыруан Марҭа лҭоурых акы
аанмыжькәа. Уи аҟнытә иара Стефа длазҵааит:
– Стефа, Марҭа лдокументқәа рзы акәхап бзаауа?
– Ааи, Марҭа лдокументқәа рзы ауп, сара арахь сзаауа.
Уара ишудыруа здыруеит, Марҭа лҭоурых бзианы. Избанзар уажә ааигәа Ливуки уареи шәанеиқәшәа ишуеиҳәаз
саиҳәеит, – лҳәеит Стефа, лара илзааигәаӡоу аӡә иеиҧш
дыҧхьаӡаны.
– Ааи, ибзианы издыруеит Марҭа лҭоурых. Избанзар
уи сара исеиҳәахьеит Ливук. Уажәы бара адокументқәа
ахьыбышьҭуа биашоуп. Убас иашала бныҟәар, быҧҳагьы,
лара дзызцазгьы беилыркаауеит. Аҧсҭазаараҿы еилибакаароуп иҟоу, уаҳа акгьы ыҟам. Изеилибакааз рыбжьара,
ахаангьы рыцҳара ҟалом, – иҳәеит амашьына ныҟәцаҩ.
Стефеи аныҟәцаҩи еицәажәо ус ишнеиуаз, ашкол агәашә
инавсны, иаангылеит амашьына. Стефа амашьына ашә
аалыртаанӡа аныҟәцаҩ ус иҳәеит: – Марҭа даҧсуоуп.
Аҧсуаа даара имилаҭ маҷны аҭоурых ду змоу милаҭуп.
Ақәра ду ирымоу иабзоураны, акультура ду рымоуп, урҭ
рыҧсадгьыл иапатриотцәоуп. Урҭ рҵас, рыламыс адунеи ахьынӡанаӡааӡо, даҽа милаҭк ирыламҩашьо иҟоуп.
Аӡәырҩы рыҩнқәагьы снеихьеит. Урҭ сара ибзианы издыруеит.»
Стефа амашьына ашә аалыртын дыллыбааит.
– Абзиараз, Стефа, Ливук сысалам иҭ, – иҳәеит иара,
Стефа «ҭабуп» лҳәаанӡа.
«Абзиара узыҟалааит, иҭабуп сахьааугаз, иҭабуп Ливук асалам ахьизуҭиуа. Хымҧада уи иасҳәоит уаргьы
саргьы ҳшеиқәшәаз, усаламгьы исҭоит», – лҳәан Стефа
амашьына дыҩлыбаан, ашкол агәашә ахь лҿыналхеит.
Лара амашьына дшылылбааз аныҟәцаҩ асигнал абжьы наирган, аҿынанахеит. Лара ашкол агәашә аартны
дынҭалеит. Усҟан аҧсшьара ду ыҟан. Уажәоуп аҵатәхәы
аҿынтә аҵәҵәа аныҟала. Ашьхымза аҭра ашьхақәа
анҭыппуа еиҧш, аҵаҩцәа рыклассқәа ирыҩныппны,
ашкол ашҭа ақәлара иаҿын. Стефа ус дышнеиуаз, Маша
даалҧылеит. Маша иаразнак, – Стефа! – лҳәан лнапқәа
ааиҵыхны иҩышьҭылхын, дыҩуа, дааин Стефа лҽынылгәыдлыжьлеит.
Стефа лыҧҳа дылбазар аҟара Маша даалеигәырҕьан,
дҩышьҭылхын далгәыдкыланы, днеимда-ааимдо даалыгәӡит, аха ирласны ҵаҟа длыргылеит. Уи лнапқәа
Маша дырзышьҭымхит. Дхәыҷума Маша. Уи аҭыҧҳанаӡа
длаҟарахарц уамак лыгӡам. Стефа Марҭа даалгәалашәан,
лҧараҭра аҿы аалыртын, ҟәрышьқәак Маша иналлыркит..
– Ари уамак ыҟам, аха иахьа ибызхоит, – лҳәеит Стефа
Маша длыхәаҧшуа.
– Сара исфаша сымоуп, исҭахӡам, – лҳәеит Маша Стефа илылҭаз аҧарақәа мап рыцәкуа.
– Ус бҳәар, сбыргәаауеит, сара Марҭа леиҧш быҧхьаӡаны ауп, арҭ аҧарақәа збысҭо – анылҳәа, «иҭабуп»
лҳәан Маша Стефа илылҭоз аҧарақәа аалымылхит. Маша
Стефа аҧарақәа гәык-ҧсык ала ишлылҭаз иеилылкааит.
Даалгәалашәеит Марҭа. Стефа даарыцҳалшьан, лылақәа
ҭырхаха дҩалҿаҧшит, нас Стефа лгәы иаахәап, – лҳәан
Маша даацәажәеит.
– Шәара ижәдыруоу ҳакласс анапхгаҩы дшамырхыз?
Уажәы акласс напхгаҩыс иҳарҭаз дшыбзиоу шәдыруоу,
шьыри адиректоргьы дамырхуандаз! – лҳәеит Маша,
лыбжьы аӡәы иаҳар ҳәа дшәо, иаархәыҷны.
– Ус бара ибымҳәан, бхәыҷуп, макьана ибыздыруам уи акласс анапхгаҩ ҿыц дзеиҧшрахо. «Аҩымсаг
ахьынӡаҿыцу аҩны бзианы иаҧссоит» – рҳәоит.
– Сара бара бҿоуп, уаҳа џьаргьы исҳәаӡом. Бара бгәы
ишахәоз здыруан ауп, изысҳәаз. Шьыри, уи Марҭа илдыруандаз, лгәы ишҧахәарыз – лҳәахт Маша, Марҭа
дшыгәхьаалго удырратәы.
– Маша ушьҭа бца, бымбои бҩызцәа зегьы цахьеит,
ари аҧсшьара ду ауп. Акрыфара бҽагбмырхан, – лҳәан
ҧыхьа еиҧш, дҩышьҭыхны акәымкәа, даалаҟәын Стефа
Маша дналыгәӡит. Маша дыҩуа, лҩызцәа злацаз ала лхы
рханы лҿыналхеит. Стефа Маша дахьнеиуаз длыхәаҧшуа
дгылан. «Марҭа ари ашкол дҭазар, уажәы рҩыџьагьы
иеицны имнеиуази» ҳәа дхәыцуан. Стефа Маша акрыфарҭа ашә аартны даныныҩналагьы, Стефа дахьгылац
дгылан, иҕәҕәаны иарсу аҵәҩан еиҧш, дымҵысуа. Лара
илзымчҳазт лылаҕырӡқәагьы аахыҳәҳәылеит. Стефа
дахьгылаз: «аӡәы сибар ҧхашьароуп» – аалгәахәын ашьшьыҳәа арҵаҩцәа рҭыԥ ахь лҿыналхеит. Уа ашә дылагылан аҩныҧссаҩ аҷаԥшьаҩ ҧҳәыс, лнапқәа аҟаҧшь
рхаҵаны. Уи Стефа даанылкылан, длазҵааит:
– Ишәҭахыда, шәара?
– Сара дысҭахуп, афбатәи акласс анапхгаҩы, – лҳәеит
Стефа.
Афбатәи акласс анапхгаҩы шәара шәанааиуаз, дыншәывсит. Акрыфараз, акрыфарҭахь дцеит. Ахҧатәи
аҵатәхәоуп уажәы инҵәаз, лара аҧшьбатәи аҵатәхәы
лымаӡам, – лҳәеит аҷаҧшьаҩ-аҩныҧссаҩ.
– Шәара шәызҿу дыҧҳәысуп, афбатәи анапхгаҩы
дхаҵоуп, – лҳәеит Стефа, ахаҵа ҳәа лара дызҿу дшамырххьаз лмаҳацызшәа.
– Шәара шәызҿу ахаҵа,
адиректори иареи ус
хәымгақәак ҟарҵан, азы аус иаман.
«Уи ҟазҵаз сара соуп» – иҳәан, афбатәи акласс
анапхгаҩы ихы аиҭан, аусура дамырхит. Аха аус хәымга
ицҟазҵаз адиректор дизыхьчоз џьишьан, аха дизымхьчеит. Уигьы иҵырдырааит, иус ҟьашьуп, имаҵура амхрала деиқәхар «иҭабуп» иҳәап, аха уи ала дзеиқәхом ҳәа
ауп ауаа ирҳәо. Урҭ изларҳәо ала аус аӡбарҭа иарҭаргьы
ҟалап, иҟало аабап. Уи дамырхыр, иҟало даара дыбзиоуп, дҟәышуп, ламыс змоу аӡә иоуп иара. Уаҳа сҳәом бара
быгәра згоит азоуп, ари амаӡа збасҳәо», – лҳәеит ари
аҧссаҩ аҷаҧшьаҩ, уи лыгәра лгартә еиҧш, илзааигәаӡоу
аӡә леиҧш дыҧхьаӡаны.
– Уи сара иабасҳәо, насгьы иҳәатәым зҳәақәо
среиуаӡам сара. Уи азы шәгәы шәырҭынч, – лҳәеит Стефа аҩныҧссаҩ аҷаҧшьаҩ лгәы лырҭынчырц азы. Абас
абарҭ реицәажәара ашьҭахь Стефа акыр инаскьаганы
игылаз аҵаа ҵла иаҵаҟаҵаз атәарҭаҿы днеин днатәеит.
Дтәоуп, дхәыцуа Стефа. Дзызхәыцуа лыҧҳа Марҭа лоуп.
Уи ара ашкол дҭахуп. Адиректор икабинет ашә аартны
даадәылҵхт, лылаҕырӡқәа лҿашы.
Ари ашкол банҭаҳҵоз агха ду ҳахьит, бара ҳашкол
бҭаҳамҵар акәын. Ҳара бара ҳашкол бызҭаҳҵаз ибзианы
аҵара зҵо аӡә бакәыз џьаҳшьан азоуп. Аҵараҿы зынӡа
бкәадазаап. Бҿы еилганы акагьы бымҳәозаап акласс аҿы.
Ус иҟақәоу ҳаргьы иҳамоуп, бара бабаҳҭахыз – иҳәахт уи
адиректор. Марҭа ашкол ашҭа дықәсны аҩныҟа дцарц
днеихуан. Аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи еилагыланы ашкол ашә
инхыҵхт». Хәбаҟа минуҭ анааҵ, аккаҳәа аҵатәхәқәа
рахь аҵәҵәа ааҟалеит.Ари аҵәҵәабжьы Стефа лхәыцра
даалнахит.
Аҧссаҩ – аҷаҧшьаҩ дахьгылаз, Стефа лахь лҿыналхеит
иаарласны, уи дахьгылаз Стефа днеины дналывагылеит.
Стефа аҵааха лымҭаӡакәа аԥссаҩ-аҷаҧшьаҩ Стефа
лахь лыбжьы налыргеит:
– Афбатәи акласс анапхгаҩы абыржәы шәара даашәывсын, арҵаҩцәа рҭыҧ ахь лҿыналхеит. Лымацара
заҵәык арҵаҩцәа рҭыҧ аҿы даанхеит, маҷк шәааҧшы,
уажәыҵәҟьа аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи еилысуа еилоуп, –
лҳәеит аҧссаҩ-аҷаҧшьаҩ. Стефа илаҳаз хаҵаны, дыҧшны даангылеит. Ицеит ҩбаҟа минуҭ, хабалак, иааҭынчрахеит.
«Соулыжьыр ахәҭоуп» ҳәа аалгәахәт Стефа.
– Блеир ҟалоит, ушьҭа блеи, лымала лоуп арҵаҩцәа рҭыҧ
аҿы иҟоу, атетрадқәа лыриашозар акәхап. Ус акәзаргьы
бара быззааиз азы мап бцәызкуа лакәӡам, – лҳәан аҧссаҩаҷаҧшьаҩ амардуан Стефа даҿаланы дахьҩеиуаз, лыбжьы
налхьылыгӡеит. Стефа иаарццакны лҿыналхеит, амардуан
дҩықәнан арҵаҩцәа рҭыҧ ашә днылагылеит. Ашә днаснасын, дӡырҩуа, ашә даалагылеит.
– Шәлеи! – ҳәа арҵаҩцәа рҭыҧ аҿынтә ҧҳәыс бжьык
аагеит. Стефа ашә днагәҭасын, аҷараҳәа иаалыртын,
дныҩналеит.
– Мшыбзиақәа! – лҳәеит Стефа, дшынҩнашылаз
еиҧш, итәаз аҧҳәызба ҿа лхы налықәкны.
– Бзиара жәбааит, шәлеи арахь ишәҭахыдаз? – дҵааит
итәаз аҧҳәыс ҿа.
– Шәара шәоуп исҭаху. Сара излеилыскааз ала шәара
шәоуп афбатәи акласс анапхгаҩы.
– Ус ауп, сара соуп афбатәи акласс анапхгаҩы акыр
азы сышәҭахызар, сышәзыӡырҩуеит, шәымаҵ аура сазхиоуп.
– Ааи, шәысҭахуп, шәара шәыцхыраара сҭахуп. Сара
Марҭа лан соуп. Стефа лажәа нагӡаны аҳәаха лымҭаӡакәа
арҵаҩ ҿа даацәажәеит:
– Марҭа иҕьычны Аҧсныҟа иргаз лан шәоума? Уи
лымшала заҟа гәырҩа шәхажәгахьоузеи? Шәрыцҳашьаны
заҟаҩы шәылацәажәо саҳахьоузеи, – ҳәа Стефа дрыцҳашьаны, даалыхцәажәеит арҵаҩы ҿа.
– Мап, уи длымҕьычӡеит, дырҕьычит ҳәа сара соуп
ауаа ирылазҵаз. Сара соуп, аха уи гха дуны исыхьит.
Анцәа саҭеимҵааит агха иҟасҵаз азы. Уи адагьы сара егьа
гәнаҳа ҟасҵахьеит. Сара сыдагьы гәнаҳара ҟазымҵацда.
Ари ҳдунеи ду гәнаҳала иҭәыми? Ари шыҟалаз абас ауп.
«Марҭа лаҳәшьа ду сара сҿы дыҟан. Сыҧшәмеи сареи
аҽны ҧсрак ахь ҳамцара ҟамлазт, ҳцеит. Марҭа лаҳәшьаду
днаскьалгон, адәыҕба даналҭа, лара длыбаауашәа
ааҟалҵан, лҽылҵәахит. Хҧа-ҧшьба аанҿасырҭа ианырхыс, Марҭа даацәырҵын лаҳәшьа ду лкупе аҿы днеит,
ушьҭа дабалгоз, ҳара арахь данаҳамба, Аҧсныҟа адырра
ҟаҳҵеит. Уа дыҟоуп. Уа ашкол дҭаларазы адокументқәа
сҭахуп, уи азоуп сзааз, агәхьаа шәасыргоит, аха, – лҳәеит
Стефа.
– Ҳәарада, аҳәыҷы лдокументқәа лҭахуп, аха ус
адокументқәа шәыҭара ҳара азин ҳамаӡам. Лара дахьцаз, ашкол аҿы, дызларыдыркылаз ала ашәҟәы аагатәуп.
Нас убри ашәҟәы ала адокументқәа шәаҳҭоит, – лҳәеит
афбатәи акласс анапхгаҩы.
– Унан, абриҵәҟьа шҧаҳзымдыруеи, сыҧшәмеи сареи. Ус сҳәеит, аха акы еилаҳамкаауа, ҳхәыҷны ҳаҩны
ҳаҩнома, ҳахқәа ҳтәӡамкәа ауп аҩны ҳшыҩноу. Ҳара
ҳаҩны ҳшыҩноу еиҧш, иҳақәшәира аҩны дыҩналаргьы
сҭахым, – лҳәеит Стефа, илыхьыз ҧхашьаны.
– Ииашоуп ишәҳәо, сара шәара шәыӡбахә саҳахьеит
акласс ансыдыскылоз. Усҟан сара иеилыскааит уи. Арҵаҩцәа ргәы ишалаз шәара шәзықәшәаз азы, шәрыцҳаршьоит зегьы. Ҧыхьатәи афбатәи акласс анапхгаҩи ашкол
адиректори рыда. Урҭ уаа гәаҵәа жәпақәоуп. Ирҳәоит
ахәыҷқәа еилыхны ирбоит ҳәа. Марҭагьы дыгҿацаланы
дрыман, аҵара лгәы ахдыршәеит ҳәа. Ажәак ала, ашкол
аҿы аусура дара иртәым, – ҳәа рзырҳәон ауаа.
– Иҭабуп схәыҷгьы саргьы ҳахьеилышәкааз. Ахәыҷы
илзымдыруа абызшәала аҵара лырҵара ауам. «Аҧсуа»
«аҧсуа» ҳәа илхыччон, дымцакәа. Уи иалаҳхи иҳаҩсхьоу
аус. Адокументқәа рзы ишәҳәо иашоуп. Уи дызларыдыркылаз ала ашәҟәы аарышьҭуазар аабап. Абыржәы,
сышиашоу аҧошьҭаҿы снеины, ателеграмма ҟасҵоит, –
лҳәан Стефа дыццакны дҩагылеит.
– Саҭамзааит шәыззааиз аус азы, ацхыраара ахьсызшәымҭаз. Избанзар, уи изымуа усуп.
– Ибҳәо иашоуп. Сара сбызгәааӡауам, иаҭахыз
ашәҟәқәа шәырҩны, шәнапқәа нанҵаны ҳәа иаасырмариан, аха – лҳәеит Стефа. Нас абзиара шәзыҟалааит
лҳәан ашә аартны дныҩныҵит. Дук мырҵыкәа, ашкол
ашҭа днықәсын, агәашә аартны дынҭыҵын, автобусқәа
ахьаангыло ахь лҿыналхеит Стефа. Лара автобусқәа
ахьаанкыло дышнеиз еиҧш, апочтахь ицоз автобус ааин,
дҩыхәнан, иахьҭацәыз тәарҭак аҿы днеины днатәеит. Дук
мырҵыкәа лавтобус аҿынанахеит. Аҩбатәи аанҿасырҭаҿ
акәын апочта ахьыҟаз.
Уа автобус анаанҿас, Стефа афырҳәа длылбааит. Дышиашаз апочта длыҩналеит. Адахҭа днадгылан, абҕьыц
аақәылхын, илҭахыз нанҵаны, инықәлыршәит. Ателефонистка абҕьыц аақәылхын, ианыз ажәақәа ааҧхьаӡаны «абрысҟаҟара бшәароуп», – лҳәан, шаҟа лшәоз
лалҳәеит. Стефа лҧараҭра аҿы аалыртын шаҟа шәатәыз
аҟара налылҭеит. Стефа аҧара злалшәаз ала аквитанциа ҩны иналылҭеит. Стефа аквитанциа аақәылхын
лҧараҭра инҭалҵан, лымаҵ зуз ателефонистка «ҭабуп»
ҳәа лаҳәаны дындәылҵны дцеит. Апочта аҟнытә Дариа дахьынхоз рацәак бжьамызт, шьапыла днеиратәы
иҟан. Уажәы, Стефа илыӡбеит Дариа лҿы днеины, Машагьы лызхара дбаны, Дариагьы длацәажәарц. Уи алагьы лгәырҩақәа лхалыршҭырц. Ус иагьыҟалҵеит Стефа.
Минуҭқәак рышьҭахь Стефеи Дариеи еицәажәо, Дариа
луадаҿы итәан. Стефа раҧхьа иаацәырылгеит Марҭараа
рыкласс анапхгаҩы дшамырхыз, адиректоргьы иусқәа
даарак ишҽеим. Изларҳәо ала рҩыџьагьы иҽеимыз уск
мҩаҧыргеит. Иҽеимкәагьы ауаа рылацәажәоит. Ари Дариагьы илаҳахьан, аха Стефа лҿы днеины, илзымҳәацызт
акәымзар. Ус Дариа илзыҟаҵазҭгьы Стефа заҟа дгәырҕьарызеи? Марҭа лзы заҟа лгәы лыхьыз, заҟа лаҕырӡы
калҭәаз аҟара калҭәомызт. Уи агәыхь илымаз акыр
ихнаҩауан, Аха Дариа илзымҳәеит. Лара Дариагьы заҟа
илҭахызеи Стефа лҿы днеины илҳәар…
Уажәы, Стефа ианцәырылга ауп уажәраанӡа Дариа
ишылдыруазгьы анылҳәа. Дариа Стефа иахьлызламҳәацыз, Дариа Стефа лҿаҧхьа аҭамзаара шьҭалҵеит.
Уажәы дара анцәа иҳәон, урҭ рмаҵурақәа рамхра адагьы,
аҭакрагьы рықәшәарц. Стефа Дариа илалҳәеит Марҭа
лдокументқәа аарышьҭырц ателеграмма шылшьҭыз.
Адокументқәа ааны ианыҟала апочтала имышьҭӡакәа,
лара лхаҭа дцарц, лхәыҷгьы арахь дылзаагозар, даалгарц, дылзаамгозаргьы лҽырбзианы дыҟазарц азы длылабжьарц, насгьы лара лызхара дылбарц лгәы ишҭоу.
Дариа даалаган, акофе лыршит. Илеидтәаланы иржәит.
Рызхара ианеибаба, аамҭа анырга ашьҭахь, иааидыҵит
арҭ аҳәсақәа. Стефа дахьынаиааиз акыр лгәы лхашҭшәа
дааҟалеит. Аха аҩны данааи нахыс лыҧҳа еиҳа лгәы
дыҵхо далагеит. Лара дтәан лыҧҳа длызхәыцуа.
Арантә Марҭа Аҧсныҟа данцоз аҩны илшәқәаз рылоуп дышцаз. Уа дахьнеиз, лымаҭәақәа илшәылҵо ҳәа
илымоузеи? Аҧснынтәи Литваҟа лара данцоз, уа Аҧсны
лымаҭәақәа рацәаны инхеит, аха усҟан лара дхәыҷын.
Уи аахыс дазҳаит, афбатәи акласс аҿы дтәоуп. Усҟантәи
лымаҭәақәа уажәы илзыбзиахома? Иагьа лҭахызаргьы
амаҭәақәа ара иҟоуп. Иагьа ҧшӡа рбаргьы Ливуки Стефеи
лара илзаархәон. Уажәы лара иабалыхәарҭоу акәымзар.
Ҭина Марҭа Литвантә данаалга, мчыбжьык аҟара
анааҵ, Аҟәаҟа длыманы дцан, ҩынтә лҽызлеиҭалкшаз
амаҭәақәа лзаахәаны илзаалгеит. Захари Светеи усҟан
еиҧшымызт азы.
Уи нахыс, Захари Светеи аҟәрышьқәа аидкылара
иаҿын Марҭа илзыхәҳахәҭырц азы. Ицәгьамкәа аҧара
еидыркылеит урҭ. Уи иахьа акәзаарын ҿҳәарасгьы иамаз, иарбанызаалак ҭитәык мгаӡакәа Светеи Захари
Марҭа дрыманы Адлерҟа ицеит хәҳахәҭра ҳәа. Адлер
имццакӡакәа илалаҧшны ихәаахәҭырц азы. Уа ирҭахқәаз рмоур, уаантә дара ргәы иҭан Шәачаҟа ицарц.
Шәачаҟа имцакәа Адлер ирҭахыз шроуаз агәра ргон. Ус
иагьыҟалеит, Марҭа илҭахқәаз зегьы араҟа ироуит, нас
дара аханы Шәачаҟа изцарызеи!
Кәасҭа нхарала Захар дахьынхоз акыр дацәыхаран
аҟнытә, иахьа уажәраанӡа Марҭа иара ишҟа днеимԥхьаӡацызт. Амала, ахәыҷкәа ашкол аҿы иеиқәшәалон,
уа иеибабалон. Ус акәымкәа иҟазҭгьы Марҭа иагьарааны
Кәасҭараа рҿы днеихьазаарын. Аха ус иҟам ишыжәбо. Ари
амчыбжь азы Марҭа, хаз ҷыдала лхәы ҟаҵаны, лҩызцәа
лыдкыланы длеигарц игәы иҭан. Уи рдыруан Захари Светеи. Ҭина илзаалхәақәаз амаҭәақәа маҷхәызма, аха Захари Светеи Ҭина илзаалхәақәаз амаҭәақәа ракәымкәа, дара
илзаархәақәаз лышәҵаны Кәасҭа иҿы дларгарц акәын
ргәы иҭаз. Убри азы акәын Марҭа урҭ дрыманы Адлерҟа
изцазгьы. Усҟан Адлер «Азверинец» ааны иҟан. Дара неины ирбеит. Акинотеатр аҿы акиносахьа иахәаҧшит. Адлер аҭыҧ ҧшӡарақәа акыр рбеит. Стефеи Захари Марҭа
рыгәҭа дыбжьаргыланы рпатреҭқәа ҭырхит. Аҵыхәтәан,
акрыфарҭаҿы инеин, акрырфеит акрыржәит. Акрыфарҭа
ишаадәылҵыз еиҧш, Ҧсоуҟа ицоз автобусқәа ахьаангылоз инеин, раҧхьа иааиз втобуск инҭалан Ҧсоу иааит.
Араҟагьы акраазхәо џьоук ракәу џьушьап ашәыр зҭиқәо
инрызҵаа-аарызҵаауа, акраамҭа ирылан. Абарҭ абас
Ҧсоу ианыҟаз хымш раҧхьа, нахьхьи, Литвагьы Марҭа
лани лабҧсеи гәыҵхарҭас ирымаз Марҭа лакәын.
Стефа апочтаҿы дыҟан аҩны данааи, Ливук дыҟамызт.
Стефа аҽны дахьыҟақәаз рҟнытә, дааҧсаха аҩны дааин,
лҽааиҭакны лиарҭахь днеины, лхы нықәылҵеит. Ҽеишәа
аҧсшьаха лоуаанӡа аӡәы ибжьы аагеит. Уи зыбжьыз
дылзеилымкааит Стефа. Аҩынтә абжьы анаага, Стефа
абжьы игаз зыбжьыз деилылкааит. Уи аҧочтаныҟәгаҩ
ибжьы акәын. «Ажәабжьс иаҳзааигазеи» ҳәа дхәыцуа,
аҩны дныҩныҵны, днеиҧылеит. Конвертк «Заказное» ҳәа ақәыҩны амҳәыр аарханы, Стефа иналиркит
апочтаныҟәгаҩ. Ари злалоуз алагьы лнапы нанылҵеит,
апочтаныҟәгаҩ азеиҧштә тетрад ҷыда имаз аҿы. Стефа
Аҧсны дахьыҟаз, илҵаз «Арахь умҩахҵ» уажәы, лара
илҭааз иалҳәеит, аха иаргьы Аҧсны дааӡазшәа – «Ҭабуп!»
«Сыццакуеит» – иҳәан дааҳәны, иҿынеихеит. Стефа
дыццакы-ццакуа аконверҭ аалыртит. Абар, Марҭа ашкол
дахьҭоу аҟнытә ауп ашәҟәы ахьааз. Ашкол адирекциа
аҳәара шыҟанаҵо Марҭа лдокументқәа нарышьҭрацы,
дара рышкол дахырҧхьаӡарац азы. Уажәыҵәҟьа, лҽааилалҳәан ашкол ахь дцаны, Марҭа лдокументқәа рымхны,
Аҧсныҟа амҩа дықәлон, аха Ливук аҩны дыҟамызт,
уи диазымҵаакәа цашьа лымамызт. Ливук даанӡа
дизыҧшыр акәын, дагьизыҧшит. Ахәылҧаз Ливук дааит аҩны, Стефа лгәалаҟазаара бзианы, Ливук дахьибаз
игәы иаахәеит.
– Иахьа даара сгәы баахәоит, Стефа. Убас ауп аҟәыҕа
ихы шымҩаҧиго. Агәырҩа бааҧс зҽазҭаз дагоит. Уи
иаҿагыланы иқәҧаз аиааира игоит, аҧсҭазаарахь деихоит, – иҳәеит Ливук.
– Ливук, уара иудыруоу, иахьа сара абас сгәалаҟазаара
бзианы сҟазҵаз, – лҳәан Стефа, Ливук азҵаара илҭеит.
– Мап, исыздырӡауам, – иҳәеит Ливук.
Стефа лгәалаҟазаара зеиҧшроу издыруам. Амала,
ибоит лгәалаҟазаара шбзиоу. Цқьа даназхәыц, Марҭа
лхабарк лаҳазаап игәахәын.
– Марҭа лхабарк баҳазаап, – иҳәеит.
– Уақәшәеит, Ливук уақәшәеит, – Марҭа дахьҩеиз ашкол дҭарҵеит. Ашкол аҿынтә ашәҟәы ааит. Уи ааганы
апочтаныҟәгаҩ исиҭеит. Уи ада ҧсыхәа шҳамам уаргьы саргьы иаадырыр акәын. Аха уи аума аус злоу. Аус
злоу Марҭа лдокументқәа зларымаҳхыша ашәҟәы ҳауит.
Заа адырра ҟаҵатәын. Ҳара адырра аныҟаҳҵа, иаҳзаарышьҭит.
– Ааи, ииашаҵәҟьаны, уи аадырыр акәын, аха ҳзымхәыцит. Ҳҭагылазаашьа усшәа иҟалеит, – иҳәеит Ливук.
– Ус егьа ҳагхахьеит, егьагьы ҳагхараны ҳаҟоуп, аха
уи агәхьаа зкыда? Уи усҟаҟара азхәыцра аҭахым. Уажәы
азхәыцра зҭаху иаарласны Марҭа лдокументқәа лара
ашкол дахьҭоу рықәыршәара ауп. Ашкол аҿы снеины,
иаарласны, почтала исшьҭыргьы ҟалоит, аха схаҭа изгар сҭахуп, Марҭагьы дызбап. Дысзыгәыкны, дсышьҭалозаргьы сыздыруам, уара угәы иацәымҕымзар, сцон,
– лҳәеит Стефа.
– Бца. Уи сара сгәы иалсӡуам, – аҭак ҟаиҵеит Ливук.
– Ус акәзар макьана, ахәыҷқәа ашкол иаурыжьуам.
Ашкол ахь сцоит, Марҭа лдокументқәа рымысхырц –
лҳәан, дҩагылеит Стефа.
– Бца, иҳәеит Ливук.
Стефа дааццакны, лҽааилалҳәан, ашкол ахь лҿыналхеит, Аҧснынтәи инеиз ашәҟәы лыманы. Стефа ашкол аҿы дҩеит. Афбатәи акласс анапхгаҩы длыҧшаан,
илҭахыз ашәҟәқәа ааиқәлыршәан, Стефа лышҟа иналырххеит.
– Адиректор инапы анҵатәуп, иаргьы икабинет аҿы
дыҟоуп, – лҳәеит акласс анапхгаҩы.
– Сбыҳәоит бшаҿу бара исзыҟабҵарц, уи адиректор
сиҿаҧшыр сҭахӡам, – лҳәеит Стефа.
– Ибзиоуп, бара ус ианыбҭахха, – лҳәан дааҧышәырччан, дҩагыланы адиректор икабинет ахь лҿыналхеит
акласс анапхгаҩы. Лара рацәак даанымхакәа дааит.
– Зегьы еиқәшәоуп, – лҳәеит адокументқәа аныналлыркуаз.
– Даара иҭабуп, абзиараз, – лҳәан Стефа дындәылҵит.
– Бызхаҭабуеи, уи сара сус ауп, – лҳәеит акласс анапхгаҩы, деихаччо.
Стефа иаарласны аҩны дааит. Ливуки лареи ааицәа-
жәан, авиакассахь ицеит. Адырҩаҽны ашьыжь асааҭ
фба рзы, аҳаирплан Адлерҟа иҧырраны иҟан. Лара лзы
иҵәахызшәа ҭыҧк ҭацәны иҟан. Аблеҭ аахәҳаны аҩныҟа
иааит.
Стефа ауха лзыршомызт. Знык ишандаз ҳәа дышгәаҟуаз, аацәылашеит. Афырҳәа дҩагылан, агәара дынҭыҵит. Ливук длыцны дцон, аха аблеҭ ыҟаӡамызт. Ҩблеҭк
рҭахызар, даҽа мшқәак иааҧшыр акәын.
Стефа дахьынҭыҵыз, таксик аанкыланы дҩақәтәан,
аерапорт ахь дцеит.
Стефа дзықәтәаз аҳаирплан ажәҩан иалаланы инеиуан Адлерҟа ахы рханы.
Светеи Захари Марҭа дрыманы Ҧсоу ианааи, аџьармыкьа ишалаз аамҭа ҧыҭк цеит. Нас иццакны, Ҧсоу
аҳәаахьы идәықәлеит, аҩныҟа иаарц. Ҧсоу иахьааиз ҩбаҟа
сааҭ игылан, ауаа ахьырацәаз аҟнытә, рылсра уадаҩын, аха
ирулак, ирылсуаны еиҧш, Марҭа ллымҳа бжьык ааҭаҩит
«Марҭаа» – ҳәа. Марҭа иаразнак лышьҭахьҟа дынхьаҧшит,
аха уаҳа бжьы лмаҳаит. – Мама, – лҳәеит Марҭа, лаҧхьа
игыланы инеиуаз Света лнапы днакьысны.
– Изакәызеи?
– Марҭа ҳәа бжьык саҳаит.
– Марҭа ҳәа бара быда заҟаҩ ыҟоу, бдыруоу?
– Сан лыбжьы еиҧшшәа саҳаит.
– Усшәа баҳаит ауп.
Арҭ рыхҩыкгьы ирулак, агәаран иаалҵын, ашыр–
шырҳәа амҩа ианыланы инеиуан.
Иҵабыргыҵәыҟьаны, Марҭа илаҳаз Стефа лыбжьы акәын. Уи уажәы акәын аҳәааҿы дааины, агәаран
даннықәгылоз. Данҧшы, дылбеит Марҭа, иагьлызҿылҭит. Аха Марҭа аҭак аныҟалымҵа, «дысцәҩашьазаап»
лҳәеит.
Стефа аҳәаа данахыҵуаз, аҵх акыр инеихьан, аха
уа дзаанымгылеит. Гәдоуҭаҟа ицоз втобуск длақәтәан
Гәдоуҭа дааит. Уи ауха Стефа илыршеит Гәдоуҭа авокзал аҿы. Светеи, Захари, Марҭеи, дара ргәы ишаанагоз
аҵкьысгьы ихәҳахәҭны иааит. Марҭа лзы иаархәарц ргәы
иҭаз аҵкьысгьы, илзыхәаахәҭит. Марҭа лыдагьы Баграти
Бадреи рызгьы имаҷымкәа ихәҳахәҭит.
Акы заҵәык урҭ аныгьежьуаз ргәы иалаз Баграти Бадреи ахьаарымгаз акәын. Урҭ ааргар, ацирк ддмырбози.
Ажәеизатәи ахы
Аҭаҭын афлыҷқәа хыҵәҵәаны аказармақәа рҿы
икнаҳаны, аҳәынҭқарра иаларгаларц, ирыӡбыз, мшқәак иахыҧазаргьы иахьакәын уи ҿҳәарас иамаз.
Ахәыҷқәа зегьы ашкол ахь рсикатрқәа кны ицеит.
Уаантәи рырҵаҩцәа рыцны ицеит аҭаҭын плантациақәа
рахь Урҭ иркыз ацикаторқәа рыла, аҭаҭын ашьапқәа
рымахәқәа хырҵәон, нас ахықәцәақәа рҿы ашәҭқәа
ирымоу хыҵәҵәаны икарҧсон. Ашәҭқәа хыҵәҵәаны
ианкарыҧсоз, амахәқәа злакнарҳашаз, ацқәа азынрыжьуан. Уи ала аказармаҿы икнарҳауан, ашашәақәа ахыб
аҵаҟа иаркны иҟарҵақәоз рҿы. Ишаҳҳәахьоу еиҧш,
аҵаҩцәа ирыцын урҭ аҵара дзырҵоз рырҵаҩцәа зегьы. Урҭгьы рҵаҩцәа ирывагыланы аус руан. Аҭаҭын
амахәқәа ихырҵәҵәоз ҿаҳәаны рҟәаҟәа иқәыжьны
џьоукы аказармақәа рахь ирыманы ицон. Аказармақәа
рҿы џьоукы асаара игыланы аҿаҳәарақәа ҟарҵон.
Џьоукы хыхь иқәгыланы аҿаҳәарақәа иҟарҵоз рымхны,
ашашәақәа рҿы ихыршьуан.
Абас мацара, цәгьаҧсышьала аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи
еилагыланы аус руан. Анацәеи абацәеи зегьы ашәира
иаҿын, ари аус зымшала иалагаз рзы. Избанзар, сынтәантәарак ашкол иаужьны аҭаҭын аҿыхреи арыҧхреи
ирҿын. Схы ҭызгоит ҳәа, афлыҷгьы ҿаҳамхыр ҟалом
ҳәа дықәгылеит акласси акласс нҭыҵтәи аусқәа реиҿкааҩ Кәаӷ Дауҭ-иҧа. Абарҭ рус изҿыз қәҿиарак аиуеит ҳәа аӡәгьы игәы иаанагомызт, аха иаҿагылашаз
уаҩы дҟамлеит. Уи иадгылеит аиҳабыра. Убри абжьазгаз иаҳаҭра шьҭнахып ҳәа ауп, араиком аҩбатәи амаӡа-
ныҟәгаҩи, араион аҵара аҟәша аиҳаби арҭ рышкол аҿы
иааны, аусура ианҭыҵшазгьы аҿҳәара аҭаны ишцаз.
Ауаҩы игәы иҭоу аахтны, аргама аҳәара азин иманы
дыҟазар, ҳәарас иаҭахузеи, ари ашкол аҿы аус зуаз анапхгара аӡәызаҵәык ида егьырҭ зегьы мап ацәыркуан,
мап зцәыркуаз аҭаҭын афлыҷ аингалара заҵәык акәӡамызт. Урҭ мап ацәыркуан есышықәса аҭаҭын аингалараз аҵаҩцәа аусурахь рынашьҭра. Усҟан ахәыҷқәа
иҵегь еиҕьны аҵара рҵо иҟарҵон. Убасҟан, аҵаҩцәеи
арҵаҩцәеи ргәабзиарагьы иҵегь еиҕьхон. Заҟа чымазара аҭаҭын ауаа иднархьхьеи. Уи аҳақьымцәа изларҳәоз
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аамҭа цәгьақәа раан. - 26
  • Части
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 01
    Общее количество слов 3616
    Общее количество уникальных слов составляет 1944
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 02
    Общее количество слов 3620
    Общее количество уникальных слов составляет 1841
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 03
    Общее количество слов 3607
    Общее количество уникальных слов составляет 1900
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 04
    Общее количество слов 3647
    Общее количество уникальных слов составляет 1960
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 05
    Общее количество слов 3601
    Общее количество уникальных слов составляет 2010
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 06
    Общее количество слов 3561
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 07
    Общее количество слов 3536
    Общее количество уникальных слов составляет 1919
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 08
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 1837
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 09
    Общее количество слов 3531
    Общее количество уникальных слов составляет 1792
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 10
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1927
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 11
    Общее количество слов 3529
    Общее количество уникальных слов составляет 1942
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 12
    Общее количество слов 3495
    Общее количество уникальных слов составляет 2029
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 13
    Общее количество слов 3468
    Общее количество уникальных слов составляет 1764
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 14
    Общее количество слов 3469
    Общее количество уникальных слов составляет 1874
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 15
    Общее количество слов 3534
    Общее количество уникальных слов составляет 1817
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 16
    Общее количество слов 3505
    Общее количество уникальных слов составляет 1880
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 17
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 18
    Общее количество слов 3513
    Общее количество уникальных слов составляет 1846
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 19
    Общее количество слов 3596
    Общее количество уникальных слов составляет 2039
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 20
    Общее количество слов 3470
    Общее количество уникальных слов составляет 1915
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 21
    Общее количество слов 3462
    Общее количество уникальных слов составляет 2017
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 22
    Общее количество слов 3535
    Общее количество уникальных слов составляет 1917
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 23
    Общее количество слов 3504
    Общее количество уникальных слов составляет 1870
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 24
    Общее количество слов 3559
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 25
    Общее количество слов 3589
    Общее количество уникальных слов составляет 1892
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 26
    Общее количество слов 3502
    Общее количество уникальных слов составляет 1894
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 27
    Общее количество слов 3585
    Общее количество уникальных слов составляет 1881
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 28
    Общее количество слов 3579
    Общее количество уникальных слов составляет 1970
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 29
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1902
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 30
    Общее количество слов 3619
    Общее количество уникальных слов составляет 1863
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 31
    Общее количество слов 3527
    Общее количество уникальных слов составляет 1924
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 32
    Общее количество слов 3591
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 33
    Общее количество слов 3523
    Общее количество уникальных слов составляет 1937
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 34
    Общее количество слов 3477
    Общее количество уникальных слов составляет 1923
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 35
    Общее количество слов 3533
    Общее количество уникальных слов составляет 1780
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 36
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 1920
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 37
    Общее количество слов 3453
    Общее количество уникальных слов составляет 1994
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 38
    Общее количество слов 3455
    Общее количество уникальных слов составляет 2051
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 39
    Общее количество слов 3456
    Общее количество уникальных слов составляет 2056
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 40
    Общее количество слов 3480
    Общее количество уникальных слов составляет 1999
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 41
    Общее количество слов 3545
    Общее количество уникальных слов составляет 1986
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 42
    Общее количество слов 3551
    Общее количество уникальных слов составляет 2061
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 43
    Общее количество слов 3528
    Общее количество уникальных слов составляет 1968
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа цәгьақәа раан. - 44
    Общее количество слов 3268
    Общее количество уникальных слов составляет 1833