Latin

Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 31

Общее количество слов 3352
Общее количество уникальных слов составляет 1726
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
Избанзар илашәыз аӡәы дизааины дыҟан.
Уара иалудыраауеи, издыруада уи аҽрыцқьара иҭахызҭгьы?
Мамзаргьы, алабжьарак дазыԥшны, уи алабжьара ихәозҭгьы?
Амала, змазареи зҭыԥи ирықәгәыӷуа иакәзар,
Уи еиҳа уизхьаԥшуеит.
Уи иҽымрыцқьара, уара уус иалои?
Амала, дыҩуа дааины иудтәалаз

9- Аллаҳ дышицәшәо аарԥшуа,
10- Уи изҿлымҳара уҽзацәыԥхьаукуеи?
11- Мап! Ҳәарада, ари Аҟәырҟан – лабжьагоуп.
12- Изҭаху, уи аҟынтә абжьгара алихуеит.
13- Уи, иԥшьоу абӷьыцқәа ирнуп.
14- Иаҳаракӡоу, ицқьашәқьоу абӷьыцқәа.
15- Ацҳаражәҳәаҩцәа рнапала инагоу,
16- Иалкаау, ауаҩышәара злоу.
17- Иқәынҵәаша ауаҩы, абзиара шԥаинымаало!
18- Аллаҳ уи дызлихи?
19- Уи хӡык далихит, асахьагьы иԥшьеиҵеит.
20- Насгьы имҩа ирманшәалеит.
21- Аҵыхәтәан, иԥсы ихыхны адамра дҭеиҵеит.
22- Нас, ианиҭаху аамҭак азы, уи даҽазнык иԥсы ихеиҵашт.
23- Мап! Ауаҩԥсы, Аллаҳ идҵа наимыгӡаӡеит.
24- Ауаҩԥсы, иифо днахәаԥшны, дазхәыцааит!
25- Ҳара меигӡарахда ақәа изаҳаруеит.
26- Нас, адгьыл ицәаӷәаны илаҳҵоит.
27- Убри аҟынтә арыц рҵәыӷьаны иазҳарҳауеит.
28- Аӡахәаҭрақәеи, ауҭраҭыхқәеи,
29- Азеҭынҵлақәеи, ахәырмаҵлақәеи,
30- Еихых-еиҵых, ижәпаӡа иеилагылоу ақәаҵақәеи, ашәырқәеи ашьаци,
31- Шәареи, шәырахәқәеи рзы хырҳаганы ираҳҭоит.
32- Алымҳақәа зырдагәо уи абжьыцәгьа аамҭа анааилак,
33- Иара убри амш аҽны,
34- Иашьцәеи иаҳәшьцәеи,
35- Иани, иаби,
36- Ихатәҩызеи, ихәыҷқәеи дырцәыбналоит.
37- Уи амш аҽны, зегьы русқәа рхы иахыҵәоит.
38- Уи амш азы шьоукы рхырҿы лашоит.
39- Гәырӷьаҽҳәаша роуны, игәырӷьалоит, иччалоит.
40- Шьоукы рхаҿсахьақәа акәзар,
41- Ахьаа иамҽханакны иеиқәаҵәамлаҳӡа иҟалоит.
42- Иара убарҭ, амапкыҩцәа, агәырԥсауаа роуп.

81. Ҭеқуир
(Аикәарҽра)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!

1- Амра иеикәарҽны ианырцәахалак,
2- Аеҵәақәа ԥсаҟьа ианкаԥсалак,
3- Ашьхақәа андырныҟәалак,
4- Ихьараны иҟоу амахҽқәа рхы ианазоурыжьлак,
5- Агыгшәыгқәа џьарак рҽанеизыргалак,
6- Амшынқәа анеилаҵәалак,
7- Ауааԥсыра, ируыз, иҟарҵаз рыла ианеиҿадыргылалак,
8- Зыԥсы ҭаны анышә иарҭаз аҭыԥҳа,
9- Дзыхдырҟьаз, дызхыршьааз ианлазҵаалак,
10- Ашәҟәқәа анцәыргахалак,
11- Ажәҩан аҽеиҩшаны ианаатлак,
12- Џьаҳаным амца андырбыжклак,
13- Џьанаҭ, ирбаратәы ианыҟалалак,
14- Ауаҩԥсы иҟаиҵаз зегьы еиликаараны дыҟоуп.
15- Мап! Иӡуа аеҵәақәа мсааит!
16- Зны иӡны, ҽазны арлашара иаҿу.
17- Алашьцара иаҿу аҵх мсааит!
18- Ашарккара иаҿу ашьыжь мсааит!
19- Ари Аҟәырҟан, кырӡа иаԥсоу, иӷәӷәоу, жәҩангәашә иаԥшәымоу, иҿаԥхьагьы
ҳаҭыр зқәу,
20- Иҵабыргыҵәҟьаны ацҳаражәҳәаҩ ацқьа (Гаврил) иааигаз ажәа ауп.
21- Уи, уаҟа иалкаау, изықәгәыӷуа иоуп.
22- Абасҟак аамҭа ишәыцыз ауаҩы, ҳәарада, аҩсҭаа дызхылаз аӡәы иакәӡам.
23- Ииашаҵәҟьаны уи (ажәаԥҟарақәа изаазгоз амаалықь) иаартыҵәҟьаны
алаԥшҳәаа анаӡараҿ дибеит.
24- Уи иҟалаша ирызку адырра, шәара ишәхибаауам.
25- Уи ашәиԥхьыӡ зықәшәаша аҩсҭаа иажәа акәӡам.
26- Ус анакәха, шәабацои?
27- Уи зегьы рзы илабжьагоуп,
28- Ҷыдалагьы, шәыбжьара амҩа иаша анылара зҭаху рзы.
29- Абригьы иҵабыргуп, жәҩантәылақәа рынцәа Аллаҳ иҭахымхакәа, шәара
аҭахра шәоуам!

82. Инфитар
(Аиҟәԥара)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123456789-

Ажәҩан анеиҟәԥалак,
Аеҵәақәа икыдшәаны ианкаԥсалак,
Амшынқәа хыҵны ианеилалалак,
Анышәынҭрақәа анааҳәлак,
Дарбанзаалак, адунеи аҟны ируыз, иҟарҵаз иаартыҵәҟьаны ирдыруеит.
Уа ауаҩԥсы! Иҳаракӡоу унцәа изкны узырҟьалаз, узжьаз дызусҭада?
Унцәа иоуп, уара ууаҩԥсны узшаз, асахьа уҭаны уҭышәынзыртәалаз.
Игәаԥхала аԥшреи асахьеи уԥшнызҵаз.
Аха мап! Шәара Уи изхаҵара ахаҭыԥан, абыржәгьы адин имцны
ишәыԥхьаӡоит.
10- Амала, шәывараҿы иааиԥмырҟьаӡакәа шәхылаԥшцәа гылоуп,
11- Иааҟашәҵо зегьы ҭазыҩуа, аамысҭашәала анҵаҩцәа.
12- Урҭ иҟашәҵо зегьы рдыруеит.
13- Ақәнага зҽақәзыршәаз, ҳәарада, џьанаҭ аҟны иҟалоит.
14- Ацәгьақәа ракәзар, џьаҳаным иҭалашт.
15- Аҳасабырба (ақәыӡбара)амш аҽны уахь иҭалоит.
16- Насгьы уаҳа изҭыҵӡом.
17- Ақәыӡбара (ахьырхәра) амш закәу удыруама?
18- Ааи, изакәызеи ақәыӡбара амш?
19- Уи амш аҽны, аӡәы даҽаӡәизы акгьы изыҟаҵом. Уи амш аҽны зегьы Аллаҳ
инапы иануп.

83. Муҭаффифин
(Ииашамкәа изкапануа)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123-

Арыцҳара рзыԥшуп иашамкәа изкапануа!
Урҭ, ауаа акы анрымырхуа ииашаны иршәоит, ирзоит,
Аха дара ианрырҭо акәзар, ршәареи, рзареи, рыкапанреи рыҟны аиашамра
аадырԥшуеит.

456-

Урҭ, еиҭах рыԥсы шырхалаша иазымхәыцӡои
Уи амш ду аҽны?
Иара убри аҽны, ауааԥсыра жәҩантәылақәа рынцәа иҿаԥхьа иеизараны
иҟоуп.
7- Аиашазы, агәырԥсауаа рҩырақәа хымԥада сиџьџьин аҟны иҟоуп.
8- Сиџьџьин закәу, уара иалудыраауеи?
9- Уи, (иууз, иҟауҵаз) ацәгьарақәа зегьы хәҭа-хәҭала знырҵо шәҟәуп.
10- Аиаша имцны изыԥхьаӡаз рзы ҳаӷоу имшхароуп уи аҽны!
11- Урҭ, ақәыӡбара амшгьы ииашаӡам ҳәа изыԥхьаӡо роуп.
12- Аха, иахзырҟьаз агәырԥсауаа рыда уи аӡәгьы мап ацәикӡом.
13- Абас иҟоу ауаҩы, ҳажәаԥҟарақәа ианизаԥхьалак: «Ари ажәытәуаа рлакәқәа
иреиуоуп» иҳәоит.
14- Аха, мап! Аиашаҵәҟьа абри ауп, урҭ ируқәаз, иҟарҵақәаз рыгәқәа арлашьцаны
иашәаҳахьеит.
15- Мап! Урҭ, уи амш аҽны хымԥада рынцәа илхәдахоит.
16- Ашьҭахьгьы џьаҳаным иҭалоит.
17- Насгьы урҭ: «Абар, мап зцәышәкуаз џьаҳаным ахьыҟоу!» ҳәа раҳәахоит.
18- Мап, мап! Ҳәарада, ақәнага зҽақәзыршәаз ауаа рҭаҩра Иллииун аҟны иҟоуп.
19- Иудыруама, Иллииун закәу?
20- Уи, аус бзиақәа зегьы зҭарҩуа ашәҟәы ауп.
21- Уи ашәҟәы Аллаҳ изааигәахаз ирбоит,
22- Абзиақәа, ҳәарада, џьанаҭ иҟоуп.
23- Ртәарҭақәа ирықәтәаны иԥшлоит.
24- Иԥшьоу аҭәашьарақәа ирыбзоуроу ргәырӷьара, рхаҿы ианубаалоит.
25- Урҭ, амҳәыр заархоу, уаҳа назҭахым рыжәтәк рыдыргалоит.
26- Ианужәлак, гьама хаак узыннажьуеит. Иеицлабуа, абри азы иеицлаблааит.
27- Уи арыжәтә излаӡҩоу, џьанаҭ иреиҳаӡоу аӡыхь аҟынтә ауп.
28- Ажәак ала, Аллаҳ изааигәоу ррыжәтә ауп.
29- Агәырԥсауаа (адунеи аҟны) азхаҵаҩцәа ирхыччалон,
30- Рааигәара ианрывсуаз, дара дара еилацәҟәуан.
31- Нас, игәырӷьаҵәа рҭыԥқәа рахь ихынҳәуан.
32- Азхаҵаҩцәа анырбалакгьы: «Арҭ, ииашаҵәҟьаны имҩахҟьаз роуп!» рҳәон.
33- Аха урҭ, азхаҵаҩцәа рыхьчареи рхылаԥшреи дҵас ирымамызт.
34- Абар, иахьа урҭ азхаҵаҩцәа, амапкыҩцәа ирхыччараны иҟоуп.
35- Ртәарҭақәа рҿы инатәаны, рыкәша-мыкәша, инаԥшы-ааԥшлоит.
36- «Азхамҵҩцәа рықәнага ишԥақәшәеи!» рҳәоит.

84. Иншикак
(Иаатуа, иеимҟьо)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123456-

Ажәҩан еимҟьаны,
Анцәа иҿаԥхьа ианхырхәалак,
Адгьылтәыла иҟьаҟьаӡа аҽеиҵнахны,
Аҩныҵҟа иҟоу адәахьы ишьҭны ианҭанарцәлак,
Ԥсабарала, Анцәа иҿаԥхьа ихырхәаны, иҳәатәы ианацныҟәалак,
Уа ауаҩԥсы! Уԥсы ҭанаҵы, шьаҿа шьаҿала унцәа иахь ухы рханы,
аҵыхәтәангьы Иара иахь унеиуеит.
7- Дарбанзаалак, зышәҟәы арӷьарахь ала изауз,
8- Уи иҳасаб мариала иеилыргахоит.
9- Насгьы гәырӷьарыла иҭынхацәа рышҟа дхынҳәуеит.
10- Дарбанзалак ишәҟәы, ишьҭахь ала иҭазар,
11- «Унан!» ҳәа дыҳәҳәаны,
12- Иеилашуа амца далалоит.
13- Ҳәарада, уи, (адунеи аҟны) иҭынхацәа рыбжьара дгәырӷьаҵәа дыҟан.
14- Избанзар, инцәа иахь зынӡа дыхнымҳәуаз џьишьон.
15- Аха мап, ус акәым! Ҳәарада, Инцәа иара дибон.
16- Мап! Хәылԥазтәи ашәаԥшьи,
17- Аҵхи, уи иеиднакылақәогьы,
18- Насгьы зҭәымҭахь инеиз амзагьы мсааит,
19- Шәарҭ, ҳәарада ҭагылазаашьак аҟынтә даҽа ҭагылазаашьак ахь
шәиасуеит.
20- Абас ишыҟоугьы, ирыхьи урҭ, избан изазхарымҵои?
21- Аҟәырҟан ианырзаԥхьо, избан, асаара рҽызкармыжьуа?
22- Мапкыҩцәа, аҵабырг имцны ирыԥхьаӡоит.
23- Аха ргәы иҭарҵәахыз зегьы, Аллаҳ даара ибзиаӡаны идыруеит.
24- Урҭ, иӷәӷәаӡоу гәаҟрак шырзыԥшу раҳәа!
25- Иазхаҵаҩцәаханы адунеии нарцәи рзы ихәарҭоу аусқәа ҟазҵаз ракәзар, урҭ
хазуп. Урҭ рзы меигӡарахда аҳамҭа ыҟоуп.

85. Буруџь (Еҵәаџьаа)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
12345678-

Еҵәаџьаа рыла иҭәу ажәҩангьы,
Ажәаны ишәыҭоу уи амшгьы,
Ашаҳаҭра ҟазҵазгьы, иззыҟаҵоугьы мсааит!
Аԥсрацәгьа ргәыҵашәааит, иагьыргәыҵашәоит, уи ажрақәа ҭызжааз,
Амцабз зхылҵуа уи амцақәа еиқәызҵаз.
Урҭ уи аамҭазы амца иахатәаны
Азхаҵаҩцәа ирзыруаз (гәахәарыла) иахәаԥшуан.
Иӷәӷәаӡоу, арҽхәаԥхьыӡқәагьы ирыԥсоу, Аллаҳ дахьазхарҵо азы мацаразы
дара рҿы ршьа руан.
9- Аха ажәҩанқәеи адгьыли зтәыҵәҟьоу Аллаҳ зегьы ибарҭоуп.
10- Иазхаҵаҩцәоу ахацәеи, иазхаҵаҩцәоу аҳәсеи иргәаҟны, аҭамзаара
шьҭаҵаны иахьымхәыз ауаа, хымԥада, џьаҳаным рзыԥшуп.
11- Иазхаҵаҩцәаханы адунеии нарцәи рзы ихәарҭоу аусқәа ҟазҵаз ракәзар, урҭ
рзы зыҵаҟа аӡиасқәа зҭысуа џьанаҭқәа ыҟоуп. Абар ахеиқәырхара дуӡӡагьы
абри ауп.
12- Ҳәарада, унцәа уанақәикуа кырӡа дыџьбароуп.
13- Уи иоуп, аханатә изшаз, аҵыхәтәангьы даҽазнык изшо.
14- Кырӡа иуаназыжьуа, зыбзиабара ҳәаадоу,
15- Жәҩангәашә иаԥшәымоу, зыхьӡ-зыԥша ҳаракӡоу,
16- Ииҭаху ишиҭаху аҟаҵара иақәиҭугьы Иара иоуп.
17- Урҭ, Фараони, Сумуди
18- Рыруаа рыӡбахә (изықәшәаз ахлымӡаах) уара иуаҳахьоума?
19- Аха мапкыҩцәа зегьдарароуп аиаша имцны аԥхьаӡара ишаҿыц иаҿуп.
20- Амала, Аллаҳ урҭ рышьҭахь ала дрыкәшахьеит.
21- Ҳәарада, уи (мап зцәыркуа) хьӡи-ԥшеи змоу Аҟәырҟан ауп.
22- (Ахаҭа) Жәҩангәашәԥхьараҿы иҟоуп.

86. Ҭарыҟ
(Уахынлатәи аныҟәаҩ)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1- Ажәҩани уахынлатәи аныҟәаҩи (Ҭарыҟ) мсааит!
2- Уара иудыруама уахынла иузааиуа закәу?
3- Уи, алашьцара иагәылыҷҷо аеҵәа цырцыр ауп.
4- Аӡәымзар аӡәы дыҟаӡам, ҩныҵҟала хылаԥшҩык димамкәа.
5- Ауаҩԥсы днахәаԥшааит дызлыхны дышшоу!
6- Уи, баша икарҭәо аӡы далхуп.
7- Уи аӡы, имаҟҿаҳәареи иваҵарақәеи рыбжьарантә иааиуеит.
8- Ҳәарада, Аллаҳ уи даҽазнык иргьежьыргьы илшоит.
9- Амаӡақәа зегьы цәырҵны,
10- Ауаҩԥсы мчгьы имамкәа цхырааҩкгьы димамкәа даныҟалаша амш.
11- Ақәа лбаазышьҭуа ажәҩани,
12- Аҵиаақәа згәылҵуа адгьыли мсааит!
13- Аҟәырҟан (аиашеи ахәанчеи) еилзырго ажәоуп.
14- Баша цәажәараӡам, зынӡа.
15- Урҭ шьацҳәак ықәдыргылоит.
16- Саргьы уи иаҿасыргылаша сымоуп ҳәарада.
17- Уара, мапкыҩцәа аҿҳәара рыҭ, урҭ даҽа маҷк уаарԥеиԥш.

87. Альа ( Иҳаракӡоу)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123456789-

Иҳаракӡоу унцәа ихьӡ џьшьарала иеиҭаҳәа!
Ишаны асахьа рызҭо,
Шәага-загала, хықәкык ала иҟаҵаны амҩа дзырбо,
Аҵиаа иаҵәақәа еиззырҳауа,
Насгьы урҭ, иеиқәаҵәамлаҳӡа цәынхак акәны иҟазҵо (унцәа ихьӡ еиҭаҳәа),
Уара уаҳарԥхьоит, насгьы иухашҭӡом.
Уи, иаргамоугьы, имаӡоугьы идыруеит.
Уара, аманшәалареи агәҭынчреи рымҩақәа узааҳартуеит.
Ус анакәха, урылабжьа, уи хымԥада, хәарҭара ду алоуп.

10- Аллаҳ ицәшәаз, алабжьара аҟынтә аҵатәхәы алихуеит.
11- Наунагӡатәи агәырӷьара зыхәҭаа алам иакәзар, уи дацәыбналоит.
12- Иреиҳаӡоу амца иалалашагьы убри иоуп.
13- Убраҟа дагьыԥсуам, дагьыбзахом.
14- Аиашаҵәҟьазы, зҽызрыцқьаз,
15- Инцәа ихьӡ еиҭаҳәаны, знамаз зкуаз, ахеиқәырхара иахьӡаз иоуп.
16- Шәарҭ, адунеитә ԥсҭазаара еиӷьашәшьоит,
17- Аха нарцәытәи аԥсҭазаара наунагӡоуп.
18- Ари, уаанӡатәи ашәҟәқәа рҿгьы,
19- Ибраҳими Мысеи рышәҟәқәа рҿгьы иҟоуп.

88. Ӷашьие
(Иаалырҟьаны ихызҩо)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1- Акаамеҭ ажәабжь уара уҟынӡа инаӡахьоума?
2- Уи амш, хаҿсахьақәак ахьымӡӷ рнубаалоит.
3- Мчы рыламкәа, икараха,
4- Амца қьауқьад иалажьхоит.
5- Аӡыршы ддыржәуеит.
6- Иҩоу амыӷ мацара рҿарҵалоит.
7- Уи иагьухаҳауам, умлакрагьы ухнахуам.
8- Уи аамҭазы даҽа хаҿсахьақәак лашалоит, игәырӷьалоит
9- Ируыз, иҟарҵаз иазгәдуны.
10- Иблахкыгоу џьанаҭк иҭалоит.
11- Уаҟа, ибашоу ажәак раҳаӡом.
12- Аӡыхьқәа ахьхьаҳәа илеилоит.
13- Иҳаракӡоу атәарҭәақәеи,
14- Иҭәу аҵәцақәеи,
15- Иеиқәҵоу ахчқәеи,
16- Иеиужьны икаршәу ауарҳалқәеи рыла ихҟьахоит.
17- Ауааԥсыра, амахҽ шыршаз рымбаӡои?
18- Ажәҩан шышьҭыху,
19- Ашьхақәа шарсу,
20- Адгьылтәылагьы ишеиҵыху рымбаӡои?
21- Уажәшьҭа урылабжьала, избанзар уара угәҽанҵаҩы мацароуп.

22- Урҭ ирықәымчуа гәымбылџьбаҩык уакәӡам.
23- Амала, дарбанзаалак, дузхьамԥшкәа мап зкыз,
24- Аллаҳ, уи гәаҟра дук ала дахьирхәуеит.
25- Ҳәарада, урҭ зегь ахьыхынҳәуа ҳара ҳашҟа ауп.
26- Уи ашьҭахь, рҿахәы рҿыхрагьы ҳара иаҳуалуп.

89. Феџьр (Ашәаԥшь)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1- Ашьыжьтәи ашәаԥшь мсааит!
2- Аҵхқәа жәаба мсааит!
3- Ҩбалеи хацалакылеи иҟоу мсааит!
4- Ашарахьы иеихо аҵх мсааит!
5- Иазхәыцуа рзы абарҭ зегьы, урхықәаартә ҵакы рымаӡами?
6- Иумбаӡеи унцәа Ад жәлари,
7- Агәашьақәа ртәыла Иреми, ирзиуз?
8- Атәылақәа рыбжьара зеиԥшыҟамыз.
9- Аҩхаа аҟны ахаҳәқәа ҭыжааны ақалақь зыргылаз Семудааи,
10- Апирамидақәа ираԥшәымаз Фараони ирзиуз?
11- Абарҭ зегьы, ртәылақәа рҿы иахдырҟьахьан.
12- Иааҟәымҵӡакәа уа ацәгьаршра иаҿын.
13- Убас ишыҟаз, унцәа урҭ аҟамчы еиԥш агәаҟра рылеиҟьеит.
14- Избанзар уара унцәа, зегьы дрыцклаԥшуеит.
15- Ауаҩԥсы иакәзар, инцәа уи дԥишәарц азы аразҟы аниаҭәеишьалак: «Сынцәа
исаҭәеишьеит» ҳәа дгәырӷьоит.
16- Амала, еиҭах дԥишәарц азы, иразҟы иагирхар: «Сынцәа дсызхьамԥшит» ҳәа
илахь еиқәиҵоит.
17- Аха мап! Шәарҭ аеҭым иаҭәашәшьаӡом.
18- Шәара-шәара шәыбжьара, аӷарцәа крырҿаҵара аԥшьышәгаӡом.
19- Аԥсҭынха шышәфац ишәфоит.
20- Амазара шәазгәышны бзиа ижәбоит.
21- Аха мап! Адгьыл ҵысны, иеилаҟәыбаса ианцалак,
22- Унцәа дубарҭаханы, амаалықьцәагьы цәаҳәа цәаҳәала еишьҭагыла
ианааилак,

23- Уи аҽны џьаҳанымгьы убарҭахоит, убри амш аҽны, ауаҩԥсы иҟаиҵаз зегьы
акакала игәалашәаргьы иабаихәо?
24- (Иара убасҟан:) «Ах, сыԥсҭазаара баша исхызымгандаз!» иҳәоит.
25- Уи аҽны, Аллаҳ дзықәиршәараны иҟоу ахьырхәра, Иара ида аӡәгьы илшом.
26- Уи ишҿеиҳәаз еиԥш аӡәгьы изҿаҳәом.
27- Уа агәҭынчра иахьӡаз ауаҩы!
28- Уара унцәа уизыхынҳәы, Иара уизгәдууны, Иаргьы уара дузгәдууны.
29- Абас ала (иалкаау) суааԥсыра урыцла.
30- Сџьанаҭ уҭал!

90. Белед (Ақалақь)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1234-

Абри ақалақь мсааит!
Уаргьы узааӡаз абри ақалақь мсааит!
Абацәеи, анацәеи, ахшареи зегьы мсааит!
Ҳәарада, ҳара ауаҩԥсы ауадаҩрақәа дырҿагылаларц, дазықәԥаларц амч
иаҳҭеит.
5- Аха уи, аӡәгьы имч иара иқәымхәо џьишьоума?
6- «Смал кырӡа инысхит» ҳәа дҽырбоит.
7- Уи аӡәгьы димбо џьишьоума?
8- Ҳара, уи ибаларц азы ҩ-блак,
9- Иҳәарц азгьы, абызи ҩ-қьышәки иаҳамҭаӡеи?
10- Насгьы уи, ҩ-мҩак иаҳмырбаӡеи?
11- Аха уи, иуадаҩыз амҩа анылара изымгәаӷьит.
12- Иуадаҩу амҩа закәу удыруама?
13- Итҟәоу ауаҩы ихы иақәиҭтәроуп.
14- Мамзаргьы, амамзаара аныҟоу,
15- Аҭынхацәа рҟынтә еиҭымки,
16- Мамзаргьы иӷару уаҩԥсык изхара акриҿаҵароуп.
17- Насгьы уазхаҵаҩханы, ауааԥсыра рахь ачҳареи арыцҳашьареи аазырԥшуа аӡә
уакәны аҟалароуп.
18- Иара убарҭ роуп, аиашеи ақәнагеи иадгылаз ауаагьы.

19- Ҳажәаԥҟарақәа мап рцәызкыз ракәзар, ахәанчеи иақәнамгеи ирыдгылаз
ракәхоит.
20- Ирыхәҭаҵәҟьоу, зышәқәа ыҵарҟаца ирзарку амцоуп.

91. Шьемс (Амра)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1- Амреи, уи шьыжьтәи ашәахәеи мсааит!
2- Амра иашьҭаныҟәо амзеи,
3- Уи (адунеи), ианарлашо аамҭазтәи амши,
4- Лашьцарала ианыхнаҩо аамҭазтәи аҵхи,
5- Ажәҩани, уи шьақәзыргылази,
6- Адгьыли, уи иеиҵыхны изырхиази,
7- Аԥси, уи еиқәыршәаны ишьақәзыргылази,
8- Ацәгьеи абзиеи рзаԥызҵаз агәаҳәареи мсааит!
9- Зыԥсы зрыцқьаз, ҳәарада ахеиқәырхара дахьӡоит.
10- Амала қәнамгала агәырԥса зырҳаз, хымԥада, ацәыӡ иоуеит.
11- Семуд жәлар, аиаша ахьазхарымҵаз амшала, (аԥааимбар) дымцҳәаҩны
дрыԥхьаӡеит.
12- Рыбжьара иреицәаз ацәгьауҩы, игәаӷьны иҿанынеиха,
13- Аллаҳ ицҳаражәҳәаҩгьы: «Аллаҳ ишәаҭәеишьаз абри амахҽгьы, уи иажәша аӡгьы
шәаламкьысын!» ҳәа реиҳәеит.
14- Аха урҭ, ари ажәа иазхьамԥшкәа амахҽ ршьит. Уи амшалагьы, рынцәахәы,
ргәырԥсақәа ирхырҟьаны изықәиршәаз ахлымӡаах ду, иқәӡаа иқәнагеит.
15- Аха урҭ, иҟарҵаз аҵыхәтәа иацәшәоз ракәӡамызт.

92. Леил (Аҵх)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
12-

Алашьцара зхәаҽуа аҵхи,
Алашарахь укылызго амши,

3- Хаҵеи ԥҳәыси ракәны иршақәаз мсааит!
4- Ҳәарада, шәџьабаақәа хаз-хазуп.
5- Уажәшьҭа дарбанзаалак, гәыҭбаарала ишаны, агәырԥса иҽацәихьчар,
6- Насгьы, зегьы иреиӷьӡоу дақәшаҳаҭхар,
7- Ҳаргьы уи иус ҳарманшәалоит.
8- Амала, дарбанзаалак акаҷбеира аарԥшны, ихы мацара дазхәыцыр,
9- Иреиӷьӡоугьы имцны иԥхьаӡар,
10- Ҳара уи, ауадаҩра дҭаҳаргылоит.
11- Хыланҵы анышәынҭра данҭаҳалак, имал џьаргьы ихәаӡом.
12- Амҩа иаша арбара ҳара иаҳуалуп.
13- Ҳәарада, адунеигьы нарцәгьы ҳара иаҳтәуп.
14- Абас ала, амцабз зхылҵуа, иеилашуа мцак азы шәгәышәҽанысҵоит.
15- Уи амца, аҵабырг мцны иԥхьаӡаны, иазхьамԥшыз,
16- Аҿагылаҩцәа мацара алалоит.
17- Аллаҳ иҳәатәхамҵара зҽацәызыхьчаз ракәзар, уи иацәыхараны идыргылоит,
18- Змазара Аллаҳ имҩаҿы инызхыз ауаҩы,
19- Иарбанзаалак ацымхәра дазымԥшыкәа
20- Инцәа игәахәаразы мацара инызхуа,
21- Хымԥада, агәахәара дақәшәараны дыҟоуп.

93. Дуҳа (Ашьыжь)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1- Ашарԥазтәи алашареи,
2- Илашьцоу аҵхи мсааит!
3- Унцәа уара уаанимыжьӡеит, дагьузымгәааит.
4- Аханатә агәаҟра уақәшәаргьы, аҵыхәтәан игәырӷьаша уара уакәхоит.
5- Унцәа иуаҭәеишьоит, уаргьы угәырӷьалоит.
6- Уи, уара ушеҭымыз баны уидимкылаӡеи?
7- Амҩа шуԥшаауаз баны, амҩа иаша уанимҵаӡеи?
8- Ушӷарыз аниба, уагьирбеиеит.
9- Убри аҟынтә аеҭым уигәҭамсын!
10- Знапы умҵакны иаҳәаз, дҭацәны думырхынҳәын!
11- Унцәа иаҭәашьарақәа урхаҭабуны иеиҭаҳәала.

94. Иншьираҳ
(Агәеиҵыхра)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
12345678-

Уара, агәҭынчра уаҳамҭаӡеи?
Убӷа ԥызҵәоз,
Уеидара уқәҳамхӡеи?
Уыхьӡ-уԥша шьҭаҳамхӡеи?
Ауадаҩрақәа рывараҿы ҳәарада, аманшәаларақәагьы ыҟоуп.
Ааи, аиашаҵәҟьазы уадаҩрацыԥхьаӡа маншәаларак ыҟоуп.
Ус анакәха, ауадаҩра ануԥыргаха, уҽоумыжьын.
Насгьы унцәа иахь гәхьаагарала ухы рха!

95. Ҭин
(Палестинатәи аҭыԥ ахьӡ)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123456-

Ҭини, Зеита рҭыԥқәеи,
Синаитәи ашьхеи,
Насгьы ихьчоу абри ақалақьи мсааит!
Ҳара, ауаҩԥсы иреиӷьӡоу ала даҳшеит.
Насгьы уи, илаҟәӡаз раасҭагьы длаҳарҟәит.
Амала, иазхаҵаҩцәаханы, адунеии нарцәи рзы ихәарҭоу аусқәа ҟазҵаз рзы,
меигӡарахда аҳамҭа ыҟоуп.
7- Ус анакәха, Уа ауаҩԥсы! Уажәшьҭа, абри аҩыза адин, избан, мап зацәукуа?
8- Аллаҳ аӡбаҩцәа зегьы раасҭа иреиӷьӡоу иакәӡами?

96. Алаҟ

(Иадҳәалоу, иацраҳәоу, иҷабу)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1- Зегьы зшаз анцәа ихьӡала уаԥхьа!
2- Ауаҩԥсы иҷабуа ашьаршәы далихит.
3- Уаԥхьа! Унцәа агәыҭбаара змоу иоуп.
4- Акалам ахархәаша уирҵеит,
5- Ауаҩԥсы изымдыруаз иирҵеит.
6- Иҵабыргыҵәҟьаны ауаҩԥсы, иқәнага аҳәаа дахысуеит,
7- Акагьы дазрыцҳамшәа ԥхьаӡаны.
8- Ҳәарада, зегьы унцәа изыхынҳәраны иҟоуп.
9- Ԥырхага изҭоз дубама,
10- Анамаз акра иаҿыз ауаҩы?
11- Уазхәыцхьоума, уи амҩа иаша данылазҭгьы,
12- Агәырԥса ацәыхьчара удиҵазҭгьы?
13- Имцуп ҳәаны аҵаҩырг дазхьамԥшуазар?
14- Уи, Аллаҳ зегьы шибо изымдырӡо?
15- Мап! Дахьымхәыр ихцәкәыкәын ала даанкыланы,
16- Уи имцҳәаҩу, ихәымгоу ихцәкәыкәын ала дҳарҳәазоит!
17- Иара иеизарахь дрыԥхьааит.
18- Ҳаргьы аргәаҟыҩцәа (џьаҳаным ахылаԥшыҩцәа) ҳрыԥхьоит!
19- Мап! Уи уицымныҟәан! Асаара уҽкажьны, Аллаҳ уизааигәаха!

97. Кадир
(Аақәиҭхара)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1234-

Ҳара уи (Аҟәырҟан), Кадир ауха илбааҳгеит.
Иудыруама Кадир ауха закәу?
Кадир ауха, амзақәа зқьы раасҭа иеиӷьуп.
Уи ауха амаалықьцәеи аԥси, анцәа игәаԥхарала аусқәа зегьы рзы ишылбаац
илбаауеит.
5- Уи ауха, ацәылашамҭанӡа агәырӷьареи алԥхеи рыла иҭәуп.

98. Беиине
(Илабҿабоу адырга)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
12345-

6-

78-

Уаанӡа аҵаҳәара шырзааизгьы Аллаҳ иваҟәылара аԥшьганы мап ацәызкыз
рыбжьара аӡәгьы, иаарту аршаҳаҭгақәа рзымаакәа лахь рыҭаӡамызт.
Иара убри аршаҳаҭгақәа, Аллаҳ ицҳаражәҳәаҩы дзыԥхьаз ицқьашәқьоу
абӷьыцқәа роуп.
Арҭ абӷьыцқәа рҿы ииашоу аԥҟарақәа уԥылоит.
Убас ишыҟоугьы, уаанӡа аҵаҳәара ззаахьаз, иаартыз аршаҳаҭга ажәала
ианырзаа ашьҭахьгьы, дара-дара аимак рызцәырҵит.
Аха урҭ, Аллаҳ имҵахырхәаны, уи изаҵәра иазхаҵаҩцәаханы, гәык алагьы
дазхаҵаны иеихырхәарц, рнамаз рыкларц, насгьы рзеқьаҭ рҭиларц рыдҵан.
Ииашоу адингьы убри ауп.
Ашәҟәыуааи, Аллаҳ иваҟәылара аԥшьгаҩцәеи рҟынтә аиаша мап ацәызкуа,
зыҩныҵҟа наунагӡа иахьҭанхаша џьаҳаным амца иалалоит. Абарҭ ауаа,
ажәлар иреицәоу роуп.
Иазхаҵаҩцәаханы адунеии нарцәи рзы ихәарҭоу аусқәа ҟазҵаз ракәзар,
ажәлар иреиӷьӡақәоу ҳәа иԥхьаӡоуп.
Урҭ рынцәа иҿаԥхьатәи рҳамҭақәа – зыҵаҟа аӡиасқәа зҭысуа наунагӡатәи
аџьанаҭқәа роуп. Аллаҳ урҭ дрызгәдууп, урҭгьы Аллаҳ изгәдууп. Иара
абарҭқәа зегьы, зынцәа ихаҵгыланы, Уи ицәшәаз ирызкуп.

99. Зилзал
(Адгьылҵысра)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
12345-

Адгьыл ӷәӷәала ианҵыслак,
Иаӷроу ахьанҭарақәагьы адәахьы ианаршәлак,
Ауаҩԥсгьы «Иҟалои убра?» ҳәа данҵаалак,
Уи аҽны адгьыл, ажәабжьқәа зегьы цәырнагоит.
Избанзар, анцәа уи иҷыдоу бызшәак ала иаҵеиҳәахьеит.

678-

Уи аҽны ауааԥсыра, иҟарҵақәаз рбарҭахарц азы гәыԥ гәыԥла
(рнышәынҭрақәа) ирҭыҵны иааиуеит.
Дарбанзаалак, хәыцк аҟара бзиарак ҟазҵаз, убри иԥылоит.
Дарбанзаалакгьы хәыцк аҟара цәгьарак ҟаҵаз уигьы ицәгьара ибоит.

100. Адиат (Аҽыҩқәа)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1- Рыԥсыԥ рзеивымго иҩуа,
2- Ианыҩуа зҽеимаақәа ацԥыхьқәа зхылҵуа,
3- Ашьыжь иаалырҟьаны ижәыло,
4- Уи аҭыԥ хыла-гәыла еилазҵо,
5- Ашьҭахьгьы аӷа игәыԥ имшәаӡакәа рыгәҭаҵәҟьа иалало мсааит!
6- Ауаҩԥсы, инцәа иҿаԥхьа абзиара знымаало иоуп.
7- Абри аҟны ихаҭагьы дшаҳаҭуп.
8- Уи, зынӡа амал дазгәышьуеит.
9- Изымдырӡо, знышәынҭрақәа рҿы иҟоу адәахьы иандыршәлак,
10- Рыгәқәа иҭаҵәахәу зегьы анаадыртлак.
11- Ҳәарада, уи амш аҽны рынцәа, дара ирызкны зегьы шидыруа дирбоит!

101. Ҟариа
(Игәыҭҟьагоу абжьы)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1234567-

Уи игәыҭҟьагоу абжьы!
Изакәызеи уи игәыҭҟьагоу абжьы?
Ишыҟалаша удыруама, игәыҭҟьагоу уи абжьы?
Уи аҽны ауааԥсыра, иԥсаҟьоу аԥарԥалыкьқәа иреиԥшхоит.
Ашьхақәагьы, ихахоу аласа иаҩызахоит.
Дарбанзаалак, зыбзиарақәа зыкапан аҟны ихьанҭахаз,
Уи, аԥсҭазаара гәырӷьак далагылоит.

8- Зыбзиарақәа зыкапан аҟны иласхаз ракәзар,
9- Урҭ ирзыҟало быжьрабыжьҵәа акәхоит.
10- Уара дыршас иумааз уи закәу?
11- Ари –Убылны узҷыҷуа амца ауп!

102. Ҭеқасур
(Амазара ахԥагьара)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
12345678-

Шәхылҵышьҭрақәеи шәмали рызгәышра шәыхнахит усҟаҟ,
Анышәынҭрақәа рҟынӡа шәнаӡахьеит.
Мап! Ииашаӡам иҟашәҵо! Иаарласныгьы иеилышәкаауеит.
Хымԥада, ааигәа иеилышәкаараны шәыҟоуп.
Даҽазныкгьы мап! Иҵегьы иҵауланы шәзахәаԥшуазҭгьы,
Џьаҳаным алаҳара шәшаҿу шәбарҭахон!
Уи, шәыблақәа рыла иаартыҵәҟьаны ижәбоит.
Уи амш, абзиарақәа ирызкны шәҿахәы шәҿыххоит.

103. Аср (Ашәышықәс)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123-

Ашәышықәс иамаҿоуп!
Дарбанзаалак ауаҩԥсы, иҵабыргыҵәҟьаны ацәыӡ имоуп.
Амала, иазхаҵаҩцәаханы, адунеии нарцәи рзы ихәарҭоу аусқәа ҟаҵаны, дарадара рыбжьарагьы аиашареи ачҳареи абжьызгаз ауаа, урҭ ахеиқәырхара
иахьӡаз роуп.

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123456789-

Ауааԥсыра рыцәгьа ҳәаны, иҵәылзхуа, арыцҳара иԥеиԥшуп.
Ҳаӷоу имшхара иԥеиԥшуп, амал еидкыланы, уи аԥхьаӡара иаҿу.
Имазара наунагӡа днанаго џьишьоит.
Аха мап! Иҵабыргыҵәҟьаны уи, амца аҳауадара (Ваккум) далажьхоит.
Амца аҳауадара закәу удыруама уара?
Аллаҳ, иеиқәиҵаз имцоуп!
Убри аҩыза мцоуп, угәы аҟынӡа инаӡоит,
Урҭ, агәашьақәа ирыдҿаҳәаланы,
Амца аҩныҵҟа иҵарҟаца иааныжьхоит.

105. Фил (Аслан)

12345-

Иаҳзылхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
Унцәа, асланқәа раԥшәмацәа ирзиуыз убама?
Урҭ ршьацҳәақәа еилеимхәеи!
Ебабил захьӡыз аԥсаатә рыжәиҵан,
Ацаҟьарақәа рахь иршәны иҭарыжьуан.
Урҭ аҵарханы, иеилаҟәаҟәаз амхы иаҩызаитәит.

106. Ҟуреишь
(Еидгыланы изырҳауа)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1234-

Ҟуреишьаа, рҭынчынхара арманшәалареи,
Ӡынгьы ԥхынгьы рныҟәарақәа ршәарҭадара ахьалыршоу азы,
Абри аҩны (Қьааба) Анцәа иеихырхәалааит.
Урҭ амлакра иацәыхьчаны, ашәарҭадарагьы рзаԥиҵахьан.

107. Маун
(Имаҷӡоу ацхыраара)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1234567-

Адин имцны изыԥхьаӡо дубама?
Убри иоуп аеҭым игәҭасуа;
Аӷар криҿаҵарагьы уацәыԥхьазкуа!
Лахь иоуааит ус анамаз зкуа,
Урҭ рнамазқәа иҵакыдоуп.
Ҽырбароуп изҿу.
Ацхыраарагьы иаԥырхагоуп.

108. Қьевсер
(Меигӡарахда аразҟы)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123-

Ҳәарада, ҳара нҵәара зқәым аразҟы «Қьевсер» уаҭәаҳшьеит.
Ус анакәха уаргьы, унцәа иахь ухы рха, ауадаҩрақәа урҿагыл!
Иҵабыргыҵәҟьаны, уара цәымыӷс ушьҭызхыз иоуп зҵыхәтәа
ԥҵәараны иҟоу (зыҵәҩаншьап ыҵху).

109. Қьафирун
(Азхамҵаҩцәа)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123456-

Иҳәа: «Шәарҭ аиаша азхамҵаҩцәа!
Сара шәара шәзымҵахырхәақәо срымҵахырхәаӡом.
Шәаргьы сара сзымҵахырхәо шәимҵахырхәаӡом.
Шәара шәзымҵахырхәақәо сара срымҵахырхәаӡомызт.
Шәаргьы сара сзымҵахырхәо шәимҵахырхәаӡомызт.
Ус анакәха, шәара шәдин шәара ишәымаз, сара сдингьы сара!»

110. Наср (Ацхыраара)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123-

Аллаҳ ицхыраара шәыхьӡаны, аиааира аныжәгалак,
Ауаа хыҵны Аллаҳ идин рыдыркыло ианубалак,
Аллаҳ иџьшьаны, ихьӡ-иԥшагьы шьҭыхны, иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаҵа.
Избанзар Иара аҭамзаарақәа рацәаӡаны издызкыло иоуп.

111. Леҳеб

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
12345-

Абу Леҳеб инапқәа (имчра) ҿаҩааит! Иагьҿаҩеит.
Ибеиарагьы, ирҳақәазгьы џьарамзар џьара имыхәаӡеит.
Иара, иеилашуа амца қьауқьад далажьхоит.
Џьаҳанымтәи амҿқәа дрыҵазаауеит (уҳәан-сҳәан бжьызгоз) иԥҳәысгьы,
Лыхәда ашаха ахаршәны (амца далажьхоит).

112. Ҭевҳид (Акзаара)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1234-

Иҳәа: Уи – иаӡәу Аллаҳ иоуп.
Акы иазрыцҳам Аллаҳ иоуп.
Уи дмиӡеит, хылҵгьы димам.
Иара ицназгогьы дзыҟам!

113. Фелаҟ (Ашамҭа)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
12345-

Иҳәа: «Ашамҭа аԥызҵаз Анцәа сыҽимҵаскуеит,
Иишаз рыцәгьарақәеи,
Алашьцара анахаԥалак аҵх ацәгьарақәеи,
Аԥсыцәгьара зырбыжкуа агәаҳәарақәеи,
Насгьы, ашьыцҩы ишьыцра ацәгьарақәеи рҟынтә».

114. Нас (Ауааԥсыра)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123456-

Иҳәа: «Ауааԥсыра рынцәа сыҽимҵаскуеит.
Ауааԥсыра раҳ,
Ауааԥсыра рынцәа.
Агәыҩбара улазырҵәо рыцәгьара аҟынтә,
Ауааԥсыра ргәы ацәгьара ҭазыԥсо,
Иубарҭоу (ауааԥсыра) иубарҭам (аџьинцәа) зегьы рыцәгьара аҟынтә».

Ажәар:
Абедуинцәа: Асакараҿы нымха-нымҵәа инхо араб шьҭрақәа.
Аварҟәылаҩцәа: Иаӡәу Анцәа, анцәахәқәа ивазырҟәыло ауаа.
Ад жәлар: Аԥааимбар Ҳуд иуаажәлар.
Азхамҵаҩцәа: Анцәа дазхазымҵо ауаа.
Амҳаџьырцәеи енсарцәеи: Рҭагылазаашьа аныцәгьаха Меқьқье ақалақь ааныжьны Мединеҟа
ихҵәаз ауааԥсыра «Муҳаџьыр»; урҭ уа издызкылаз, ирымоу рыцеиҩызшаз аҭыԥынтәи
ауаагьы «Енсар» ҳәа рарҳәоит.
Аныҳәабаҟа: Анцәас иҭхьаӡаны изымҵахыҳәоз абаҟақәа.
Арафаҭ: Меқьқье ақалақь мрагыларатәи аганаҿы иҟоу, кәырбан ныҳәа аамҭазы ҳаџьра
инеиз аԥсылманцәа зҿаԥхьа иахьеизо ахәы ахьыӡ.
Асаббитцәа: Анцәа иаӡәкра шьаҭас измоу ажәытә динк азхаҵаҩцәа.
Асабшауаа: Ауриацәа асабшаҽны аусура мап рцәыркит. Дара амшын аҟәараҿы инхон,
егьырҭ амшқәа рзы иҟамыз аԥсыӡқәа асабша аҽны ихыҵны иаауан. Уи амшалагьы, ахәаша
аҽнынтә амшын акаҭа хҵаны, амҽышагьы ихаҳхыр ԥырхага ҳауӡом ҳәа, дарартәала анцәа
дыржьарц иақәыркит. Иҟашәымҵан, ишәычҳа зҳәазгьы ирызхьамԥшит. Аҵыхәтәан
рыкаҭақәа хырхырц азы амшын аҟәарахьы ианнеигьы Анцәа урҭ амаамын сахьа рыманы
иҟаиҵеит.
Асҳаб-ы Қьеҳф: Изқәымчуаз азхамҵаҩцәа ирцәыбналаны аҳаԥы аҟны зҽызҵәахыз, иара
убраҟа 309 шықәса ицәаз аиҩызцәа.
Асҳаб-ы Раким: Ажәытә, хҩык аиҩызцәа зҭалаз аҳаԥы аҭыҵырҭа хаҳә дук аԥыраҳаны
ианыхнаҩа, ирзаатырц азы уаанӡа иҟарҵахьаз абзиарақәа рыла Анцәа иҳәара иалагеит.
Аҵыхәтәан аҭыҵырҭагьы рзаатит.
Ашәҟәыуаа: Ҭора, мамзаргьы Инџьил еиԥш иԥшьоу ашәҟәқәа зоухьаз.
Ба ль: Арам бызшәаҿы аҳ, анцәахәы аанагоит. Масопотамиатәи ажәларқәа еиҳарак
изымҵахырхәоз рынцәа ихьыӡ.
Бедир: Аԥсылманцәеи Меқьқье ақалақаҿы инхоз азхамҵаҩцәеи рыбжьара аибашьра
ахьымҩаԥысыз аҭыԥ хьыӡ.
Беиҭуллаҳ: Аллаҳ иҩны аанагоит, Қьааба аҩбатәи ахьыӡ.
Беиҭул Мақдис: Иерусалим иҟоу Ел-Акса зыхьӡу аџьаама.
Вед, Сува, Иагәус, Иеук, Неср: Месопотамиатәи анцәахәқәа рыхьыӡқәа.
Гаврил: Аԥсыцқьа дызхоу, иреиҳау амаалықьцәа руаӡәк ихьӡ.
Енсар: Имҳаџьырны ирызнеиз азхаҵаҩцәа рыдкыланы, змазара рыцеиҩызшаз Мединетәи
ауааԥсыра.
Еиқье жәлар: Аԥааимбар Шьуаиб иуаажәлар.
Елиаса: Аԥааимбар.

Зеқьат: Аԥсылман дин аԥҟарала есышықәса амал зумоу 40 рахьтә иԥхьаӡаны хәҭак аӷарцәа
рыҭара.
Зеқьериа, Зиулқьифл: Аԥааимбацәа.
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 32
  • Части
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 01
    Общее количество слов 3445
    Общее количество уникальных слов составляет 1826
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 02
    Общее количество слов 3446
    Общее количество уникальных слов составляет 1788
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 03
    Общее количество слов 3521
    Общее количество уникальных слов составляет 1793
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 04
    Общее количество слов 3395
    Общее количество уникальных слов составляет 1815
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 05
    Общее количество слов 3366
    Общее количество уникальных слов составляет 1796
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 06
    Общее количество слов 3438
    Общее количество уникальных слов составляет 1696
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 07
    Общее количество слов 3457
    Общее количество уникальных слов составляет 1701
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 08
    Общее количество слов 3383
    Общее количество уникальных слов составляет 1714
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 09
    Общее количество слов 3401
    Общее количество уникальных слов составляет 1813
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 10
    Общее количество слов 3332
    Общее количество уникальных слов составляет 1638
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 11
    Общее количество слов 3382
    Общее количество уникальных слов составляет 1766
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 12
    Общее количество слов 3489
    Общее количество уникальных слов составляет 1750
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 13
    Общее количество слов 3521
    Общее количество уникальных слов составляет 1844
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 14
    Общее количество слов 3464
    Общее количество уникальных слов составляет 1725
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 15
    Общее количество слов 3433
    Общее количество уникальных слов составляет 1778
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 16
    Общее количество слов 3540
    Общее количество уникальных слов составляет 1858
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 17
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 1861
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 18
    Общее количество слов 3453
    Общее количество уникальных слов составляет 1714
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 19
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 1743
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 20
    Общее количество слов 3491
    Общее количество уникальных слов составляет 1710
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 21
    Общее количество слов 3456
    Общее количество уникальных слов составляет 1616
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 22
    Общее количество слов 3450
    Общее количество уникальных слов составляет 1744
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 23
    Общее количество слов 3475
    Общее количество уникальных слов составляет 1751
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 24
    Общее количество слов 3490
    Общее количество уникальных слов составляет 1693
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 25
    Общее количество слов 3437
    Общее количество уникальных слов составляет 1707
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 26
    Общее количество слов 3408
    Общее количество уникальных слов составляет 1731
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 27
    Общее количество слов 3446
    Общее количество уникальных слов составляет 1766
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 28
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 1652
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 29
    Общее количество слов 3391
    Общее количество уникальных слов составляет 1715
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 30
    Общее количество слов 3549
    Общее количество уникальных слов составляет 1790
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 31
    Общее количество слов 3352
    Общее количество уникальных слов составляет 1726
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 32
    Общее количество слов 531
    Общее количество уникальных слов составляет 374