Latin

Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 28

Общее количество слов 3436
Общее количество уникальных слов составляет 1652
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
ҳтәыуаҩы дымцҳәаҩны дрыԥхьаӡеит, «еилагак иоуп!» ҳәа изырҳәеит, иусура
иаԥырхагахеит.

10- Абри амшалагьы, Ныҳә: «Уажәшьҭа исиааит, иҟалозар уцхыраара
сыгумыжьын!» ҳәа инцәа диҳәеит.
11- Иаразнак жәҩан гәашәқәа аартны, икыдыбганы қәак аҳаруит.
12- Адгьыл аҟынтәгьы аӡы ыҵҳарҩит. Нас, аӡқәа зегьы уск иазкны иеицылеит.
13- Ашьҭахьгьы, аӷәқәеи аҵәымыӷқәеи рыла иҟаҵаз аӷба дақәҳартәеит.
14- (Уи аӷба) Ҳхылаԥшреи ҳахьчареи рыла, ирыдрымкылаз ҳуаҩԥсы изы
иҳамҭаны иӡсо аӡы ихын.
15- (Уи аӷба) Аҵабырг иаршаҳаҭганы, иҵатәхәны иҟаҳҵеит. Аха иҟоума
шәыбжьара убри еилызкаауа?
16- Сыргәаҟреи сыгәҽанҵарақәеи зеиԥшрахеи?
17- Ииашаҵәҟьаны, Аҟәырҟан иазхәыцааит ҳәа иҳармариеит. Еилызкаауа
дыҟаӡами?
18- Ад жәларгьы (рыԥааимбар Хәыд) амцҳәара идыркылахьан. Аха сыргәаҟреи
сыгәҽанҵареи шԥаҟаз?
19- Урҭгьы, нҵәара зқәым уи амш еиқәаҵәа аҽны аԥшатлакә рыжәаҳҵеит.
20- Ауааԥсыра, иҵжәаз ахәырмаҵлақәа реиԥш ишьҭԥааны иаршәуан.
21- Сыргәаҟреи сыгәҽанҵарақәеи зеиԥшрахеи?
22- Ииашаҵәҟьаны, Аҟәырҟан иазхәыцааит ҳәа иҳармариеит. Еилызкаауа
дыҟаӡами?
23- Семуд жәларгьы агәҽанҵарақәа ирзхьамԥшит.
24- Убас рҳәеит: «Ҳабжьара иҟоу уаҩԥсык иҳәатәы азхаҳҵоума? Усҟан амҩа
иаша ҳацәхьаҵны еилагарак ҟаҳамҵаӡои?
25- Иԥшьоу ажәа ҳабжьара иараӡә заҵәык имацара иоума иззаашьҭу? Мап! Уи
мыцҳәаҩык, ҽхарззалаҩык иоуп!»
26- Амцҳәаҩ, аҽхарззалаҩы дызусҭоу уаҵәы ирбараны иҟоуп!
27- Ииашаҵәҟьаны, ҳара, урҭ ԥаҳшәарц азы ажәмахҽ рзынаҳашьҭит.
Умыццакын, ачҳара аарԥшы.
28- Насгьы, амахҽи дареи рыбжьара аӡыхь шеиҩыршаша рзеиҭаҳәа. Ирзалху
аамҭа иақәыршәаны аӡы ахықәахь инеилааит.
29- Ус ишыҟаз, рҩызцәа рахьтә иреицәаз иԥхеит. Уигьы иаҳәа аашьҭыхны,
амахҽ ишьит.
30- Сыргәаҟреи сыгәҽанҵарақәеи зеиԥшрахеи?
31- Бжьыҭҟьак рыжәаҳҵеит. Ауасақәа рыҭраҿы иԥсаҟьаны иҭаԥсоу аҭәа
иаҩызахеит.
32- Ииашаҵәҟьаны, Аҟәырҟан иазхәыцааит ҳәа иҳармариеит. Еилызкаауа
дыҟаӡами?
33- Луҭ ижәларгьы агәҽанҵарақәа ирызхьамԥшкәа уи амцҳәара идыркылеит.

34- Ҳаргьы ԥшатлакә ахаҳә ацны ирзынаҳашьҭит. Аха, Луҭ иҭаацәара
ашамҭаз еиқәҳархеит.
35- Ҳаҭәашьара иалаҳархәит. Иҭабуп аҳәашьа иақәшәаз абас ауп ҳалԥха
шырзаҳшо.
36- Амала, Луҭ, урҭ ргәырҽаниҵахьан иаалырҟьаны ишықәаҳхуала. Аха дара уи
игәҽанҵарақәа гәыҩбарала иазнеит.
37- Насгьы урҭ, рысасцәа ихәымгаз ҭахрак ала ирыдгылеит. Ҳаргьы рыблақәа
аш рхаҳҵеит, иҳарлашәит. Ргьама жәба абыржәы, сыргәаҟреи, шәгәы
злашәҽанысҵаз рылҵшәақәа!
38- Аҵыхәтәан, ашьыжь шаанӡа гәаҟра ҿаасҭак урҭ ирыхьӡеит.
39- Сыргәаҟреи, шәгәы злашәҽанысҵаз рылҵшәақәеи ргьама жәба абыржәы!
40- Ииашаҵәҟьаны, Аҟәырҟан иазхәыцааит ҳәа иҳармариеит. Еилызкаауа
дыҟаӡами?
41- Ҳәарада, Фараон ижәларгьы агәҽанҵарақәа рзынаҳашьҭхьан.
42- Аха ҳаршаҳаҭгақәа зегьы имцны ирыԥхьаӡеит, ҳаргьы, урҭ иҳараку, насгьы
амч змаҵәҟьоу ишихәҭаз ала иақәаҳкит.
43- Уажәы шәара шәмапкыҩцәа убарҭ раасҭа иеиӷьума? Мамзаргьы иԥшьоу
ашәҟәқәа рҿы шәхы злеиқәшәырхаша аршаҳаҭгақәа ыҟоума?
44- Мамзаргьы: «Ҳарҭ ашьаура зылшо, иаҵамхаша уаауп» рҳәоума?
45- Ааигәа урҭгьы аҵахоит, шьҭахьҟа имхьаԥшкәа ибналарангьы иҟоуп.
46- Аха, урҭ ирзыԥшыҵәҟьоу, акаамеҭ амш ауп. Уи амш, ҳәарада, еиҳа
игәыҭҟьагоуп, еиҳа ихьаагоуп.
47- Абри ииашаҵәҟьоуп, зыԥсҭазаара агәырԥса иалахәаҽыз, амҩа иаша
иацәыхҟьаны иеилагаз ауаа роуп.
48- Уи амш, амца ашҟа ианыԥхарҵалак: «Агьама жәба абыржәы, џьаҳаным
аргәаҟра!» ҳәа раҳәахоит.
49- Ҳәарада, ҳара зегьы шәага-загак ала иаҳшеит.
50- Ҳара ҳадҵа, ажәак ауп, алеи-аԥси рыбжьара иааҟалоит.
51- Ииашаҵәҟьаны, шәара шәҩызцәа иагьа жәларқәа ықәаҳгахьеит. Иазхәыцуа
ыҟаӡами?
52- Иҟарҵаз зегьы иҩны ишьҭоуп.
53- Ихәыҷы, идуу зегьы цәаҳәа цәаҳәала ианҵоуп.
54- Агәырԥса зҽацәызыхьчаз ракәзар, џьанаҭ аҟны аӡиасқәа рхықә аҟны иҟоуп.
55- Аиашара аҳра ахьауа аҭыԥ – зымчра ҳәаа амам Аллаҳ иҿаԥхьа ауп.

55. Раҳман
(Азылыԥхаҩы)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1- Азылыԥхаҩы,
2- Аҟәырҟан иирҵеит,
3- Ауаԥсы дишеит,
4- Уи аилкаареи, аиҭаҳәареи иирҵеит.
5- Амреи амзеи шәага-загак инақәыршәаны иныҟәоит.
6- Ашьацқәагьы аҵлақәагьы иҿаԥхьа ихырхәоит.
7- Ажәҩан, Иара иоуп ишьҭызхыз, ашәага-загагьы уи иазаԥиҵеит.
8- Иахырҟьаны аҳәаа шәахымсырц азы.
9- Акапанра ииашаны, ишахәҭоу ала иҟашәҵа, иагырханы ишәымкапанын.
10- Аԥсабара унахәаԥш, ԥсызхоу зегьы рзы ишишаз убап.
11- Уаҟа ашәырқәеи, иптыз ахәырмаҵлақәеи ыҟоуп.
12- Иҵәыӷьаз арыцқәеи, афҩыхаа змоу аҵиаақәеи ыҟоуп.
13- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
14- Ауаҩԥсы, иӡу анышәаԥшь еиԥшу, нышәк далихит.
15- Аџьинцәагьы амцаҵәҟьа иалихит.
16- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
17- Ҩ-мрагыларагки, ҩ-мраҭәашәараки ирынцәоу Иара иоуп.
18- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
19- Иара, иеиԥыло ҩ-мшынк еицеиуижьит.
20- Аха рыбжьара ԥынгылак ыҟоуп, изеилалом.
21- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
22- Урҭ аҩбагьы рҟынтә абырлаши акоралли ҭыргоит.
23- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
24- Иара итәуп ашьхақәа иреиԥшны иӡсо амшын иху зыԥрақәа шьҭыху аӷбақәа.
25- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
26- Адгьылтәыла иқәу зегьы аԥсра рықәуп.
27- Идуӡӡоу, ирыцҳашьаҩӡоу Унцәа иакәзар, Уи наунагӡа дыҟоуп.
28- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
29- Ажәҩанқәеи адгьыли рҿы иҟоу зегьы Иара иҳәоит. Есыҽны иара аус даҿуп.
30- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
31- Уа ауааԥсыреи аџьинцәеи! Шәаргьы шәҳасаб ҳазҵаараны ҳаҟоуп.
32- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?

33- Уа ауааԥсыреи аџьин жәларқәеи! Ажәҩанқәеи адгьыли рҳәаақәа
шәзырхысуазар, шәахыс! Аха, уи аҩыза амч ду ҳара ишәаҳамҭакәа хысшьа
шәымаӡам.
34- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
35- Амцабзи ирҭәоу абҩеи аншәыжәырҵалак, хеиқәырхашьагьы цхыраарагьы
шәауӡом.
36- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
37- Ажәҩан еиҟәшаны, иеилашуа ахәшеиԥш, иҟаԥшьӡа ианыҟала аамҭазы.
38- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
39- Иара убри амш аҽны, ауааԥсырагьы аџьинцәагьы ргәырԥсақәа рзы зҵаара
рыҭахаӡом (избанзар, зегьы иккаӡа иубарҭахоит).
40- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
41- Агәырԥсауаа рхаҿсахьа мацарала иудыруеит, нас рԥырцәқәеи рышьхәақәеи
рыла иаанкылахоит.
42- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
43- Агәырԥсауаа имцны ирыԥхьаӡаз џьаҳаным, абар иахьыҟоу!
44- Уи амцеи аӡырши ирыбжьазаауеит.
45- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
46- Зынцәа иҿаԥхьа агылара иацәшәо рзы ҩ-џьанаҭк ыҟоуп.
47- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
48- Аҩганкгьы хкы рацәала меигӡарах аразҟқәа рыла иҭәуп.
49- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
50- Аҩганк рҿы илеиуеит ҩ-ӡыхьк.
51- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
52- Аҩганк рҿы иеиуеиԥшым ашәырқәа ыҟоуп.
53- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
54- Атлас (сатин) ала иқәҵоу атәарҭақәа ирықәтәоит. Ари аҩџьанаҭгьы
ршәырқәа уахьынаӡаша аҟара иузааигәоуп.
55- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
56- Уаҟа зыԥшәмацәа рыда уаҳа аӡәгьы изхьамԥшуа ахатәҩызцәа ыҟоуп. Уаанӡа
уаҩԥсык, мамзаргьы џьинк дызкьымсыц.
57- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
58- Урҭ, рубини акоралли ирылхушәоуп ишыҟоу.
59- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
60- Абзиара ацымхәра, бзиарамзар иҟаларыз?
61- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
62- Арҭ аҩџьанаҭк рыдагьы, даҽа ҩ-џьанаҭк ыҟоуп.
63- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?

64- Рыҩбагьы иеиқәара-хиаҵәаауп.
65- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
66- Урҭ раҩба рҟынгьы агәгәаҳәа иҵыҵуа ҩ-ӡыхьк ыҟоуп.
67- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
68- Аҩба рҟынгьы хкы рацәала ашәырқәеи, ахәырмеи, амыҵмыџьи ыҟоуп.
69- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
70- Убарҭ рҿы, зҟазшьа бзиоу, зхаҿсахьа ԥшӡоу ахатәҩызцәа ыҟоуп.
71- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
72- Рқьала ԥшӡақәа рҿы, игәырӷьаҽҳәашаны ахатәҩызцәа рзыԥшуп.
73- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
74- Арҭ, дара раԥхьа, уаҩԥсык мамзаргьы џьинк дыркьымсӡац.
75- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
76- Ииаҵәоу, иблахкыгоу ахчқәа рыҵаҵаны иркыдиаалоуп.
77- Шәынцәа ишәаҭәеишьақәаз рҟынтә иарбану имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?
78- Идуӡӡоу, ирыцҳашьаҩӡоу унцәа ихьӡ шаҟа иҳаракӡоузеи!

56 . Вақыа (Ахҭысқәа)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1- Ахҭыс ду (акаамеҭ), аныҟалалак,
2- Уи шыҟалаша имцуп зҳәаша усгьы дзыҟалом.
3- Шьоукы ланарҟәуеит, шьоукы ҳаранакуеит.
4- Адгьыл ӷәӷәала ианҵыслак.
5- Ашьхақәа иеилаҟәыбаса ицаны,
6- Анаҩс иансабахалак,
7- Шәаргьы, х-гәыԥкны шәҽышәшоит.
8- Гәыԥҩык рышәҟәы аргьарахь ала ироуеит, ирыбаргәузеи урҭ!
9- Гәыԥҩык рышәҟәгьы армарахь ала ироуеит, шаҟа ирыцҳаузеи урҭ!
10- Насгьы абзиараҿы аԥхьа игылақәаз, урҭ аџьшьараҿгьы аԥхьа игылазаауеит.
11- Иара убарҭ разҟыла иҭәу аџьанаҭқәа рыҿгьы аԥхьа игылоу роуп.
12- Аллаҳ зегьы раасҭа изааигәақәо роуп.
13- Реиҳараҩык, раԥхьатәиқәа роуп,
14- Маҷҩыкгьы, ашьҭахьтәиқәа роуп.
15- Хьымаҭәала иеиқәычаԥоу атәарҭәақәа ирықәтәаны,

16- Наҟ-ааҟ иеиҿаԥшуа икыдиаалоит.
17- Рыкәша-мыкәша, наунагӡа рымаҵ зуыша аҿар рывагьежьлоит,
18- Џьанаҭтәи аӡыхьқәа рҟынтә идырҭәыз аԥҳалқәеи, аирыӡқәеи, аҵәцақәеи
рыла.
19- Иагьа ржәыргьы, рхы рнархьуам, иагьынҵәом.
20- Иргәаԥханы иалырхуа ашәырқәа,
21- Рыԥсы иаҭаххо аԥсаатә ржьы,
22- Насгьы зыблақәа ԥшӡаӡа иҟоу ахатәҩызцәа цқьақәа,
23- Иҭалаҳаны иҵәаху абырлашқәа реиԥш.
24- Адунеи аҟны иҟарҵаз ихәарҭоу аусқәа ирҳамҭаны ироулоит.
25- Уаҟа ибашоу, мамзаргьы агәырԥса иаҵазҵаша ажәак раҳауам.
26- Ираҳауа акы заӡәык: «Абзиара шәымаз, агәырӷьара шәԥеиԥшыз!» ауп.
27- Зышәҟәы арӷьарахь ала изауз, ирыбаргәузеи убарҭ!
28- Амаӷ змам ацақәеи,
29- Иҿассы изҿоу абанан ҵлақәеи,
30- Зҽеиҵыхны иҟоу ашәшьырырҭақәа,
31- Аӡхыҽҽақәа рхықә аҟны,
32- Меигӡарахда ашәырқәа
33- Иагьрыгхом, уагьахырбаауам.
34- Насгьы рывараҿы рхатә ҩызцәа, иԥшӡоу, ԥсыцқьаралагьы иҳаракӡоу.
35- Ҳәарада, ҳара урҭ, џьанаҭ ишақәнагау ала иаҳшахьеит.
36- Урҭ еснагь кьыс змам ракәны иҟаҳҵалоит.
37- Рыхатәҩызцәа рзы бзиабарала иҭәны, изҭагылоу ақәрагьы мыԥсахкәа.
38- Абарҭқәа зегьы, аиашеи ақәнагеи иақәныҟәаз рзоуп.
39- Урҭ рыхәҭак, аԥхьатәиқәа роуп.
40- Рыхәҭакгьы ашьҭахьтәиқәа роуп.
41- Рышәҟәы армарахь ала изырҭақәаз… Изықәшәашази убарҭ?
42- Убылны узҷыҷуа амцеи, аӡырши аҩныҵҟа,
43- Алҩа жәпак аҵаҟа иҟоуп.
44- Хьшәашәаракгьы, ҭынчракгьы рызымҭаша.
45- Избанзар, уаанӡа рҭахрақәа итҟәаны ирыман.
46- Идуӡӡоу агәырԥса изацәхьаҵуамызт.
47- Абас рҳәон: «Ииашаҵәҟьаны, ҳарҭ ҳаԥсны, ҳабаҩқәа еиқәыжьны ҳаныҟалалак
ашьҭахь, еиҭах ҳаԥсы ҭалоума?
48- Ҳара мацара ҳакәымкәа уаанӡатәи ҳабдуцәагьы, ус аума?»
49- Убас ҳәа: «Уаанӡатәиқәагьы, уи анаҩстәиқәагьы,
50- Иалкаау уи амш, иарбоу аамҭазы хымԥада џьарак иеизгахоит!»
51- Насгьы, шәарҭ имҩахҟьаз амапкыҩцәа!

52- Хымԥада, олеандр ҵла аҟынтә ишәфоит.
53- Шәыцақәа убри ала ишәырҭәлоит.
54- Ашьҭахьгьы аӡыршы шәыжәлоит.
55- Ишабаз амахҽқәа аӡы шыржәуаҵәҟьа еиԥш!
56- Абар, аҳасабеилыргаратә мшы урҭ реишәачара!
57- Шәарҭ шәызшаз ҳара ҳауп, абыржәгьы ишәызхамҵаӡои?
58- Икашәҭәо ахӡы зынӡа шәазымхәыцӡои?
59- Уи шәара шәоума изшо, мамзаргьы ҳара ҳакәу?
60- Шәыбжьара иеихаҳшеит аԥсра, ҳара акагьы ҳԥырхагахараны иҟам.
61- Аԥсра шәақәыршәаны шәара шәцымхәра даҽа абиԥарақәак раагарагьы.
62- Ҳәарада, раԥхьаӡатәи шәшара зегьы ижәдыруеит, шәазхәыцны аҵатәхәы
залшәымхуеи?
63- Икашәыԥсаз ажәла шәазхәыцхьоума?
64- Уи шәара шәоума иеиззырҳауа, мамзаргьы ҳара ҳакәу?
65- Иаҳҭаххар, уи, хәарҭара злам ҵәаҟьак иаҩызаҳтәуан, шәаргьы
иџьашәшьарын.
66- «Иҳахьи» шәҳәарын, «Аиашазы аԥхасҭа ӷәӷәа ҳауит!
67- Иҵабыргыҵәҟьаны зынӡа арыцҳара ҳҭагылт» шәҳәарын.
68- Ишәжәуа аӡы шәазхәыцхьоума?
69- Уи, аԥҭа аҟынтә шәара шәакәу илбаазго, мамзаргьы ҳара ҳакәу?
70- Иаҳҭаххар, уи аџьыка аҭаны, иҵааны иҟаҳҵарын. Ус анакәха, иҭабуп
шәҳәарҭаӡами?
71- Иеиқәышәҵо амца иахышәҳәаауеи?
72- Уи аҵла, шәара ишаны иеизшәырҳауама?
73- Ҳара уи, асакараҿы амҩа иану рзы, насгьы амла иакуа рзы дыргас, разҟыс
иаҳшеит.
74- Ус анакәха, иҳаракӡоу унцәа деиҭаҳәа.
75- Аеҵәақәа рҭыԥқәа сырхықәаауеит.
76- Ижәдыруазааит, ари қәра дуӡӡоуп.
77- Ҳәарада, уи, кырӡа иаԥсоу, иҳаракӡоу Аҟәырҟан ауп.
78- Ахаҭаҵәҟьа (жәҩангәашәԥхьараҿы) ихьчоу шәҟәуп.
79- Уи, ицқьашәқьа иҟоу амаалықьцәа заҵәык роуп акьысра азин змоу.
80- Уи, адгьылтәылақәа рынцәахәы иҟынтә илбаагоуп.
81- Шәарҭ уажәы, абри ажәа аума иҟәнышәшьо?
82- Шәара, ишәыҭоу аразҟы, амцҳәара адкыланы аума аҭак шыҟашәҵо?
83- Амала, шәыԥсы шәҟырҟы ианкылахалак,
84- Иара убри аамҭазы иҟашәҵара шәзымдыруа шәнаԥшы-ааԥшлап.
85- Ҳара, уи шәара шәаасҭа ҳазааигәоуп, аха ишәзыбом.

86- Шәааи, аӡәы инапаҵҟа шәыҟамзар, ахьырхәрагьы шәақәымшәозар,
87- Уи (шәыԥсҭазаара), шьҭахьҟа ишәырхынҳәы, шәажәа иашазар!
88- Амала уи (зыԥсы зхыҵыз), Аллаҳ изааигәаз аӡәы иакәзар,
89- Аманшәалареи, аразҟы бзиеи реиԥш, зегьы ирхыҵхырҭоу џьанаҭ иԥеиԥшуп.
90- Зыԥсҭазааратә шәҟәы арӷьарахь ала изауз,
91- «Уа арӷьарахь иҟоу, абзиара умаз уара!»
92- Аха мцны изыԥхьаӡаз амаҳагьацәа дреиуазар,
93- Убри изы аӡыршы иалху аишәачара ыҟоуп!
94- Насгьы уи иҵыхәтәа, џьаҳаным алажьроуп.
95- Ҳәарада, ари иҵабыргыҵәҟьоуп.
96- Ус анакәха, иҳаракӡоу унцәа ихьӡ арҽхәаԥхьыӡла иеиҭаҳәала.

57 . Ҳадид (Аиха)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1234-

567-

8-

Ажәҩанқәеи адгьыли рыҟны иҟоу зегьы Аллаҳ ирҽхәаԥхьыӡ еиҭарҳәоит. Уи
дҳаракӡоуп, иҟаиҵо зегьы аҟәыӷара аҵоуп.
Ажәҩанқәеи адгьыли раҳра Иара мацара итәуп. Аԥсҭазаара узҭогьы
иумызхуагьы Иара иоуп. Уи, зегьы имч рықәхоит.
Аԥхьатәигьы аҵыхәтәантәигьы, иубарҭоугьы иубарҭамгьы иара иоуп. Уи
зегьы здыруа иоуп.
Ажәҩанқәеи адгьыли фымш рыла изшаз, насгьы жәҩанқәацә иахылаз иоуп.
Адгьыл иалалогьы иалҵуагьы, жәҩан аҟынтә илеиуагьы, уахь ихалогы зегьы
здыруа Иара иоуп. Шәахьыҟазаалакгьы Уи шәара дшәыцуп. Аллаҳ иҟашәҵо
зегьы ибоит.
Ажәҩанқәеи адгьыли раҳра Иара мацара итәуп. Насгьы аусқәа зегьы
аҵыхәтәаны иахькылсуа Иара ишҟа ауп.
Аҵх аҟынтә амш иациҵоит, амш аҟынтәгьы аҵх иациҵоит. Агәқәа ирҭоугьы
ибзиаӡаны идыруеит.
Аллаҳи иԥааимбари азхашәҵа. Уи аамҭала ишәиҭақәаз рҟынтә, агьырҭ
ауаагьы ирықәшәырӡ. Шәыбжьара иазхаҵаҩцәаны абри аҩыза ҟазҵаз рзы
аҳамҭа дуӡӡақәа ыҟоуп.
Аԥааимбар, Анцәа дазхашәҵарц азы ааԥхьара шәыҭаны, ажәа
шшәымиххьоугьы, Аллаҳ ишахәҭоу ала дышԥазхашәымҵо?

9-

Шәара алашьцара шәалигарц азы иуаҩԥсы (иԥааимбар) ила иаарту
ажәаԥҟарақәа шәзылбаазгаз Иара иоуп. Ҳәарада, Аллаҳ, шәара шәзы кырӡа
дҟәымшәышәуп, кырӡагьы дрыцҳашьаҩуп.
10- Ажәҩанқәеи адгьыли зегьы, аҵыхәтәан Аллаҳ ишизынхаша шыжәдыруагьы
Уи имҩазы аныхра шәзеигӡои? Шәыбжьара, аиааира амш аҟынӡа змал
нызхызи иеибашызи, агьырҭ ауаа зеиԥшхаӡом. Урҭ рыҩаӡара, дара
рышьҭахь иныхны иеибашыз раасҭа иҳаракуп. Абас ишыҟоугьы, Аллаҳ, зегьы
абзиара ишақәиршәо ала ажәа риҭеит. Аллаҳ, иааҟашәҵо зегьы ишахәҭоу
ала идыруеит.
11- Дарбанзаалак Аллаҳ иирԥсахыр, Аллаҳ уи иацҵангьы ишәоит. Уи ада кырӡа
иаԥсоу аҳамҭагьы ациҵоит.
12- Уи амш аҽны, иазхаҵаҩцәоу ахацәеи, иазхаҵаҩцәоу аҳәсеи, рылахьқәа лашаӡа
ишныҟәоу убарҭахоит. «Иахьа шәара гәырӷьаҽҳәаша шәымоуп, зыҵаҟа
аӡиасқәа зҭысуа џьанаҭқәа рҿы наунагӡа шәаангылоит!» ҳәа раҳәахоит.
Абар, агәыхәтәхьӡарагьы абри ауп!
13- Уи амш аҽны, ахацәа гьангьашцәеи аҳәса гьангьашцәеи азхаҵаҩцәа абас
рарҳәоит: «Ҳаргьы шәааҳзыԥшы, ҳшәыхьӡаны шәылашара аҟынтә хәҭак
ҳгап!» ҳәа. Аха: «Шьҭахьҟа шәхынҳәны даҽа лашарак шәашьҭала!» ҳәа
раҳәахоит. Насгьы рыбжьара иаразнак баагәарак ргылахоит, азхаҵаҩцәа
ахьыҟоу аган аҟны алыԥҳа, агьырахь акәзар, агәаҟра ыҟоуп.
14- Агьангьашцәа дара рахь: «Ҳаргьы шәара ҳшәыцӡамзи?» ҳәа рықәҿырҭуеит.
Урҭгьы: «Ааи, ус акәын, аха, шәарҭ шәхы ацәгьара ҭашәырԥеит, еснагь
аамҭа шәазыԥшын, еснагь агәыҩбара шәыман. Аллаҳ идҵа ааины
ишәыдгылахаанӡа шәгәыҩбарақәа рыла аамҭа шәхыжәгеит. Убри
амшалагьы, уи ажьара иазҟазаз (аҩсҭаа), Аллаҳ изкны шәшижьац шәижьон.
15- Иахьарнахыс, шәара шәҟынтәгьы, иаартны мап зкқәаз рҟынтәгьы
ахҿыхыԥса адкылара ҟалаӡом. Шәахьнанагаша амца ауп. Шәарҭ
ишәықәнагоугьы уи ауп. Шаҟа иҵыхәтәа бааԥсузеи уи!
16- Азхаҵаҩцәақәа,
Аллаҳ
игәалашәареи
иаажәаԥҟарақәа
ирзаанагаз
аҵабыргқәеи разхәыцрала, рцәа ианҭаӡыӡааша аамҭа мааиӡеи? Урҭ, уаанӡа
ашәҟәы зоухьаз, аха аамҭала згәаҵәақәа жәпахаз иреиԥшымхааит. Урҭ
реиҳараҩык имҩахҟьаз ауаа роуп.
17- Ижәдыруазааит, Аллаҳ, иԥсхьоу адгьыл даҽазнык аԥсы ахеиҵоит.
Шәазхәыцырц азы ҳаршаҳаҭгақәа акакала ишәзеиҭаҳҳәахьеит.
18- Иазрыцҳау ауаа ацхыраара рызҭаз ахацәеи, иазрыцҳау ауаа ацхыраара
рызҭаз аҳәсеи, насгьы Аллаҳ (иазрыцҳау иуааԥсыра) аԥсахра рызҭаз, дара
иацҵаны ирзышәахоит. Урҭ, уи адагьы кырӡа иаԥсоу аҳамҭа рзыԥшуп.

19- Аллаҳи иԥааимбари абас иазхазҵаз ауаа, иара убарҭ, Аллаҳ иҿаԥхьа
аҩызцәеи ашьаҳиҭцәеи рыҩаӡара рымоуп. Рҳамҭақәеи рылашареи дара
ирзыԥшуп. Мап кны ҳажәаԥҟарақәа имцны изыԥхьаз ракәзаргьы,
џьаҳанымуаа роуп.
20- Ижәдыруазааит,
адунеитә
ԥсҭазаара:
ахәмарреи,
агәырӷьареи,
аҽырԥагьареи, аҽырбареи, амали, ахшареи рыла аицлабра мацара роуп. Ақәа
илеиуа иаҩызоуп, иеизнарҳаз ала анхацәа аргәырӷьоит, ашьҭахь аарҩара
аныҟалалакгьы аҽаҩра зегьы иҩеижьӡа иҟаланы, аҵыхәтәангьы асаба
иаҩызахоит. Нарцәы акәзар, ма иӷәӷәоу ргәаҟрак, мамзаргьы Аллаҳ
ианажьреи игәаԥхареи ыҟоуп. Адунеитә ԥсҭазаара, уи узжьо хныҟәгарҭак
ада уаҳа даҽакы акәӡам.
21- Зыҭбаара, жәҩани дгьыли рыҭбаара аҟара иҟоу, Аллаҳи иԥааимбари
азхазҵаз рзы имазеиу аџьанаҭқәеи, шәынцәа ианажьреи шәрыхьӡарц азы
шәеиԥхныҩла. Ари, Аллаҳ иаҭәашьара ауп. Уи, изиҭаху иаҭәеишьоит. Аллаҳ
иаҭәашьара идуӡӡоуп.
22- Адгьылтәыла аҟны имҩаԥысыз, мамзаргьы ишәыхҭысыз рыцҳарак ыҟам,
инаӡахаанӡа шәҟәык ианымкәа. Ҳәарада ари, Аллаҳ изы кырӡа имариоуп.
23- Ишәцәыӡыз азы шәымгәырҩарц, Уи ишәаҭәеишьақәаз рылагьы
шәԥагьамхарц азы абас ҟаиҵеит. Аллаҳ, зхы иахԥагьо, зыҽхазырззало ауаа
бзиа ибаӡом.
24- Урҭ, акаҷбеира шырҟазшьоу еиԥш, агьырҭ ауаагьы акаҷбеира рыдыргалоит.
Дарбанзаалак, Аллаҳ изхьамԥшыз идыруазааит, Аллаҳ акы дазрыцҳаӡам, уи
арҽхаԥхьыӡқәа зегьы дрыԥсоуп.
25- Иҵабаргыҵәҟьаны ҳара, аԥааимбар иаартыз аршаҳаҭгақәа рыла
днаҳашьҭит, ауааԥсыра ақәнагала рхы мҩаԥыргарц азгьы ашәҟәи
аиашаратә капангеи наҳашьҭит. Насгьы аиха рзылбааҳгеит, уи аҟны амч
дуӡӡеи ауааԥсыра рзы ахәарҭарақәеи ыҟоуп. Абас ала, Аллаҳ, Иара
дрымбаӡакәа дазхаҵаны, имҩеи иԥааимбарцәеи ацхыраара рызҭаз
цәыригашт. Ҳәарада, Аллаҳ дыӷәӷәаӡоуп, дҳаракӡоуп.
26- Иҵабаргыҵәҟьаны, Ныҳәи Ибраҳими ицҳаражәҳәаҩцәаны инаҳашьҭит,
рхылҵышьҭрагьы аԥааимбарреи ашәҟәи раҭәаҳшьеит. Урҭ рыбжьара амҩа
иаша зыԥшааз шыҟоугьы, реиҳараҩык имҩахҟьаз ракәхеит.
27- Нас, урҭ рышьҭа ихыз ҳԥааимбарцәа иеишьҭаргыланы инаҳашьҭит,
ашьҭахь Мариам лԥа Иаса днаҳашьҭын, Инџьил иаҳҭеит, уи дазхазҵаз
рыгәқәа аҟәымшәышәреи арыцҳашареи рызҭаҳҵеит. Дара иаԥшьыргаз
аберра (амонахра) акәзар, уи ҳара ирыдаҳҵаз акәӡам, Аллаҳ игәаԥхаразы
рхаҭақәа иаԥшьыргаз акәын. Аха ишахәҭаз ирызныҟәымгеит. Ҳаргьы

рыбжьара иазхаҵаҩцәаз аҳамҭақәа рџьаҳшьеит, амала реиҳараҩык
мҩахҟьеит.
28- Уа азхаҵаҩцәа! Аллаҳ пату иқәымҵара шәҽацәыхьчаны иԥааимбар иҳәатәы
хашәҵа, абас ала ҩынтә иеиҳаны ишәаҭәеишьап, шәымҩа ирлашап,
ишәанаижьып. Аллаҳ кырӡа данажьҩуп, дагьрыцҳашьаҩуп.
29- Абас ала, уаанӡа ашәҟәы зырҭахьаз ирхыԥхьаӡалоу ауааԥсыра ирдыруазааит,
Аллаҳ иаҭәашьара зшаша дара ракәӡам. Аҭәашьара зегь рыла Аллаҳ
инапаҿы иҟоуп, насгьы уи изиҭаху ираҭеишьоит. Аллаҳ аҭәашьара дуӡӡа
дақәиҭуп.

58 . Муџьаделе
(Аиҿыхара)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1-

2-

3-

4-

5-

6-

7-

Зхаҵа дизашшыны ажәа умазкыз, насгьы зҭагылааашьа Аллаҳ инапы
ианызҵаз аԥҳәыс лажәа Аллаҳ иаҳаит. Аллаҳ, шәара шәцәажәарақәа
иаҳауеит. Избанзар Уи зегьы иаҳауеит, зегьы ибоит.
Шәыбжьара рыҳәсақәа зыҳар рзыҟазҵаз ирдыруазааит, урҭ ранацәа ракәӡам.
Ранацәа, дара рхаҭақәа зыхшаз аҳәса роуп. Ииашаҵәҟьаны урҭ, ихәымгәоу,
иҵаҵӷәыдоу ажәак рҳәоит. Ҳәарада, Аллаҳ кырӡа данажьҩуп.
Рыҳәса зыҳар рызуны, зажәагьы ззынамыгӡаз ракәзар, еиҭах рыҳәса
ирзааигәахарц азы тәык ихы дақәиҭыртәроуп. Шәара ишәабжьгоу абри ауп.
Аллаҳ, ижәуыз, иҟашәҵаз зегьы идыруеит.
Абри аҩыза алшара змам, ҩымз ачгара дыҵазароуп, уи зымч ақәымхо аӷарцәа
хынҩажәаҩык крырҿеиҵароуп. Ари, Аллаҳи иԥааимбари рызхаҵара
аашәрыԥшырц азыҳәан ауп. Абарҭқәа, Аллаҳ иаԥиҵаз аԥҟарақәа роуп.
Азхамҵацәа ракәзар, урҭ, хьаала иҭәу гәаҟрак рзыԥшуп.
Аллаҳи иԥааимбари ирҿагылаз, дара раԥхьа имҩасхьоу реиԥш иладырҟәуеит.
Ҳара, иаартыҵәҟьаз ажәаԥҟарақәа лбааҳгахьеит. Азхамҵаҩцәа рзы
илазырҟәыша гәаҟрак ыҟоуп.
Уи амш аҽны, Аллаҳ урҭ зегьы рыԥсы рхаҵаны, ируыз, иҟарҵаз дирдыруеит.
Аллаҳ, абарҭқәа акакала ишәзеиқәиԥхьаӡахьеит. Аха, урҭ ирхашҭхьеит.
Аллаҳ зегьы ибарҭоуп.
Иузгәамҭаӡаци? Аллаҳ ажәҩанқәа рҿы иҟалогьы, адгьыл аҟны иҟалогьы
идыруеит. Маӡала ицәажәо хҩык ахьыҟоу аԥшьбатәи Иара иакәымкәа

ԥсыхәа амаӡам. Хәҩык ахьыҟоу афбатәи Иара иакәымкәа ҟалашьа амам.
Хыԥхьаӡарала иеиҵазааит, иеиҳазааит, иахьыҟазаалак иҟазааит, Аллаҳ урҭ
дрыцуп. Аҵыхәтәаны акаамеҭ амш аҽны, ируз, иҟарҵаз зегьы урҭ
ирзеиҭеиҳәараны дыҟоуп. Избанзар, Аллаҳ зегьы идыруеит.
8- Маӡала ацәажәара мап зыцәку ауаа убарҭоума? Еиҭах уи мап рызцәикыз аус
аҟаҵара иаҿуп, агәырԥса арҳареи, иашамрала аныҟәареи, аԥааимбар
иҿагылареи рганахьала, аиҿахәыҭхәыҭра иаҿуп. Уааигәара ианааилак,
Аллаҳ аԥсшәа шуеиҳәо еиԥш аԥсшәа уарҳәоит. Насгьы рыбжьара: «Аллаҳ,
абри ҳажәақәа рзы ахьырхәра ҳақәиршәарц акәӡамзи?» рҳәоит. Урҭ
џьаҳаным рызхоит. Уахь иҭалоит. Шаҟа неирҭа бааԥсузеи уа!
9- Уа азхаҵаҩцәа! Шәыбжьара маӡала шәанеицәажәо, агәырԥса арҳареи,
иашамрала
аныҟәареи,
аԥааимбар
иҿагылареи
рганахьала
шәмеиҿахәыҭхәыҭын. Абзиареи агәырԥса ахацәыхьчареи рганахь ала
шәеицәажәала, насгьы зҿаԥхьа шәеизараны шәыҟоу Аллаҳ иаҳаҭыр амбара
шәҽацәышәыхьча.
10- (Уи аҩыза) Маӡалатәи аиҿцәажәарақәа аҩсҭаа иҟынтә ауп. Ари, азхаҵаҩцәа
архьаарц азоуп. Аха, Аллаҳ иҭахымхакәа аҩсҭаа урҭ ԥырхага рызиҭом.
Азхаҵаҩцәа Аллаҳ мацара иқәгәыӷны, Уи рыҽимҵаркааит.
11- Уа азхаҵаҩцәа! Шәарҭ, шәызлахәу аизарақәа рҿы «аҭыԥ аашәырты» ҳәа
аншәарҳәалак, аҭыԥ рзаашәырты, убриала Аллаҳгьы шәарҭ аҭбаара
шәаҭәеишьоит. «Шәҩагыл!» анырҳәалакгьы шәеиҵамхан. Уи алагьы Аллаҳ,
шәыбжьара ииашаҵәҟьаны иазхаҵаҩцәаны, адырра знапаҿы иаазгаз ауаа
рыҩаӡара ҳареикуеит. Ижәуа, иҟашәҵауа зегьы Аллаҳ ишахәҭоу ала
идыруеит.
12- Уа азхаҵаҩцәа! Аԥааимбар ҷыдала шәиԥылар анышәҭаххалак, абри аиԥылара
аԥхьа садаҟак рышәҭа. Абри, шәара шәзы иреиӷьу, иԥшӡоу хымҩаԥгашьоуп.
Амала ишәылымшар, ижәдыруазааит, Аллаҳ кырӡа данажьҩуп, кырӡагьы
дрыцҳашьаҩуп.
13- Ҷыдала аиԥылара ҟашәҵаанӡа, асадаҟа рымҭара шәҽацәыԥхьашәкма? Абри
ишәзыҟамҵазар, аха Аллаҳгьы ишәанаижьзар, ус анакәха, шәнамаз
шәахӡыӡааны ишәкы, шәзеқьаҭ шәҭии, Аллаҳи иԥааимбари рҳәатәы хашәҵа.
Аллаҳ ижәуыз, иҟашәҵаз зегьы идыруеит.
14- Аллаҳ игәаԥжәара иақәшәаз жәларык, ҩызас ишьҭызхыз ауаа убарҭоума?
Арҭ, шәаргьы ишәтәым, даргьы иртәым. Идырны, амцҳәарала иқәуеит.
15- Аллаҳ, урҭ иӷәӷәаӡоу гәаҟрак рыздирыхиахьеит. Урҭ изҿқәоу шаҟа
ицәгьоузеи!
16- Урҭ рқәрақәа хыхьчарҭас иҟаҵаны, ауааԥсыра Аллаҳ имҩа иацәхьаркит. Уи
амшалагьы илазырҟәыша гәаҟрак рԥеиԥшхоит.

17- Урҭ, рбеиареи рыхшареи, Аллаҳ иргәаҟра аҿаԥхьа џьаракыр ирыхәаӡом. Урҭ
џьаҳанымуаа роуп, наунагӡагьы убраҟа инхоит.
18- Уи амш аҽны, Аллаҳ зегьы рыԥсы анырхеиҵалак, уаанӡа ишқәуаз еиԥш (кыр
иахәо џьшьа) еиҭах ақәра иалагоит. Аха, ижәдыруазааит, урҭ, амцҳәаҩцәа
рхаҭаԥсаҭақәа роуп.
19- Аҩсҭаа урҭ инапаҵҟа иааганы, Аллаҳ изхәыцра рхашҭратәы иҟаиҵахьеит.
Урҭ уажәшьҭа аҩсҭаа иҩызцәа роуп. Ижәдыруазааит, еснагь ацәыӡ заураны
иҟоугьы аҩсҭаа иҩызцәахаз ракәхоит.
20- Аллаҳи иԥааимбари аиӷара рзызуз роуп ахьымӡӷ дуӡӡа згараны иҟоугьы!
21- Аллаҳ: «Сареи сыцҳаражәҳәаҩцәеи хымԥада ҳаиааиуеит!» ҳәа иҩхьеит.
Ҳәарада, Аллаҳ амчра змоу иоуп, аиааираҵәҟьагьы зго иоуп.
22- Аллаҳи нарцәытәи аԥсҭазаареи азхазҵо жәларык, Аллаҳи иԥааимбари
аиӷара рзызуа ауаа (рҭынхацәа ракәзаргьы) рганахьала ахаангьы агәбылра
роуӡом. Аллаҳ, абарҭ рҩызцәа азхаҵаҩцәа, азхаҵара ргәы иҭаҿаҟәаны,
иԥсыцқьала ирӷәӷәахьеит. Урҭ, наунагӡа изҭанхаша, зыҵаҟа аӡиасқәа
зҭысуа џьанаҭқәа ирҭеиҵараны дыҟоуп. Иара убарҭ, Аллаҳ иганахь иҟоу
ауаа роуп, абри ибзиаӡаны идыртәуп, ахеиқәырхара иахьӡараны иҟоугьы,
Аллаҳ иганахь игылаз ауаа ракәын. Ижәдыруаз, аиааира, Аллаҳ иганахь
игылаз мацара иртәхоит!

59. Ҳашр
(Аизара, аҽеидкылара)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
12-

3-

Ажәҩанқәа рҿы иҟоугьы, адгьыл аҟны иҟоугьы Аллаҳ ирҽхәаԥхьыӡ
еиҭарҳәоит. Уи дҳаракӡоуп, аҟәыӷара иақәиҭу иоуп.
Ашәҟәыуаа рмапкыҩцәа, раԥхьаӡатәи ахҵәараҿы ртәыла иахызцазгьы Иара
иоуп. Шәарҭ уи аҩыза ҟалап ҳәа шәгәы иаанагомызт. Рхаҭақәагьы Аллаҳ
иҿаԥхьа рбаагәарақәа рыхьчоз џьыршьон. Аха, Аллаҳ дара ззыԥшымыз
аганахьала гәаҟрак рыжәиҵеит. Рыгәқәа ашәарҭа ҭеиҵеит, убас иҟалеит;
дара рнапалагьы, азхаҵаҩцәа рнапалагьы рхыбрақәа арбгара иаҿын. Уа
ахшыҩ змоу ауаа! Ус анакәха, абри ҵатәхәыс иалшәх!
Аллаҳ, урҭ абри аҩыза ахырҵәара иақәимыршәазҭгьы, адунеи аҟны хымԥада
даҽа хьырхәрак иақәиршәараны дыҟан. Нарцәы акәзар, урҭ ирзыԥшуџьаҳаным аргәаҟра ауп.

4-

Ари, Аллаҳи иԥааимбари иахьырҿагылаз амшала ауп. Дарбанзаалак, Аллаҳ
иҿагылаз идыруазааит, Аллаҳ иахьырхәра кырӡа иӷәӷәоуп.
5- Хәырмаҵлак аԥҟара, мамзаргьы ишыҟоу ааныжьрагьы Аллаҳ игәаԥхаралоуп
ишыҟало, имҩахҟьаз ауаа ахьымӡӷ дыргазарц азоуп.
6- Аллаҳ, еибашьрада иаӷацәа ирымыхны иԥааимбар хашәаланы ииҭаз рзы
акәзар, шәарҭ аҽыгьы шәмырыҩҩит, амахҽгьы. Амала Аллаҳ,
ицҳаражәҳәаҩцәа иззиҭаҳу ауаа рҿаԥхьа иҳараикуеит. Аллаҳ зегьы
дырқәиҭуп.
7- Аллаҳ, агьырҭ атәылақәа рыуаажәлар ирымыхны, иԥааимбар хашәаланы
ииҭақәаз, Аллаҳи, иԥааимбари, аӷарцәеи, амҩа ианхалази ирызкуп. Амазара,
шәарҭ шәбеиацәа рыбжьара мацара иныҟәо акы акәны иҟамлааит ҳәа абри
аҩыза ӡбоуп. Аԥааимбар шәара азин зшәиҭаз жәга, мап зышәцәикызгьы
шәацәхьаҵ. Аллаҳ иаҳаҭыр амбарагьы шәҽацәышәыхьча. Ҳәарада, Аллаҳ,
ахьырхәра анагӡараҿы кырӡа дыӷәӷәоуп.
8- Абри ахашәалахәы, Аллаҳ илыԥхеи игәаԥхеи зҭаху, Аллаҳи, идини,
иԥааимбари рыцхыраара иашьҭоу амҳаџьар ӷарцәа ирыхәҭоуп. Иара убарҭ
роуп, ауаа иашаҵәҟьақәа.
9- Урҭ раԥхьа, абри атәыла иқәынханы, гәыкала иазхаҵаҩцәахаз, ихҵәаны
ирзааиз ауаа бзиа ирбоит, ирырҭогьы иахырбааӡом. Дара рхаҭақәа
иазрыцҳаны иҟазаргьы, урҭ ахҵәацәа ироур еиӷьаршьоит. Дарбанзаалак,
зыԥсыцәгьара иаиааиз, убарҭ роуп ахеиқәырхара иахьӡазгьы.
10- Арҭ ирышьҭагыланы иааиуаз ауаагьы: «Уа ҳанцәа! Ҳареи, уаанӡа
уазхазҵахьаз ҳашьцәеи иҳанажь, ҳагәқәа рҿы азхаҵаҩцәа ирызкны
цәгьахәцырак аанумыжьын. Ҳанцәа! Ҳәарада, Уара кырӡа уҟәымшәышәуп,
кырӡагьы урыцҳашьаҩуп!» рҳәоит.
11- Агьангьашра иаҿугьы убарҭаӡами? Ашәҟәыуаа иреиуоу рҩызцәа мапкыҩцәа
рзы: «Шәара шәҭыԥ шәахырцар, ижәдыруазааит, ҳаргьы амҩа
ҳшәыцықәлоит, шәара ишәҿагылоу аӡә иҳәатәгьы хаҳҵом. Шәарҭ аибашьра
шәыларҳәаргьы, хымԥада ҳшәыцхраауеит!» ҳәа рарҳәоит. Аллаҳ дшаҳаҭуп,
урҭ иаартыҵәҟьаны имцҳәаҩцәоуп.
12- Иахырцаргьы ирыццом, аибашьра рыларҳәаргьы ирыцхраауам, ацхыраара
рҽазыркыргьы, иааҳәны ибналоит. Амала, аҵыхәтәан рхаҭақәгьы
цхыраарада иаанхоит.
13- Абри ҵабыргыҵәҟьоуп, рыгәқәа рҿы шәара ишәызкны иҭоу ашәарҭара, Аллаҳ
изку аасҭа кырӡа иеиҳауп. Избанзар, урҭ зеилкаара маҷӡоу жәларуп.
14- Урҭ зегьы, ихьчоу аҭыԥқәеи ахырхарҭақәеи рышьҭахь имгылакәа, шәара
ишәыцеибашьраны
иҟаӡам.
Дара
рыбжьаратәи
аҽырххарақәеи

аиҿагыларақәеи еиҳа иӷәӷәоуп. Уара, урҭ еидгылоушәа иубоит, аха урҭ
рыгәқәа еиԥхьытта иҟоуп. Избанзар, урҭ зыхшыҩ зхы иззамырхәо уаауп.
15- Дара раԥхьа имҩасыз ахьырхәра ишақәыршәахаз еиԥш ауп рҭагылазаашьа.
Нарцәы акәзар, ихьаагоу гәаҟрак рзыԥшуп.
16- Агьангьашцәа рҭагылазаашьа, аҩсҭаа иҭагылазаашьа иеиԥшуп. Избанзар,
аҩсҭаа ауаҩԥсы: «Мап кы!» ҳәа иаҳәаны, мап аниклак ашьҭахьгьы:
«Иудыруазааит, уареи сареи акгьы ҳзеилаӡам, сара адгьылтәылақәа
ранцәахәы Аллаҳ сицәшәоит» ҳәа дхьаҵуеит.
17- Аха, дара зегьы рҵыхәтәа, наунагӡа иахьҭанхаша џьаҳаным акәхоит! Абар,
агәымбылџьбаҩцәа рахьырхәра зеиԥшроу!
18- Уа азхаҵаҩцәа! Аллаҳ иҳәатәы азхамҵара шәҽацәышәыхьча. Зегьы, уаҵәтәи
амш азы иҟарҵаз аҽазыҟаҵара иахәаԥшлааит! Аллаҳ гәыкала шәизыҟаз, уи
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 29
  • Части
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 01
    Общее количество слов 3445
    Общее количество уникальных слов составляет 1826
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 02
    Общее количество слов 3446
    Общее количество уникальных слов составляет 1788
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 03
    Общее количество слов 3521
    Общее количество уникальных слов составляет 1793
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 04
    Общее количество слов 3395
    Общее количество уникальных слов составляет 1815
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 05
    Общее количество слов 3366
    Общее количество уникальных слов составляет 1796
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 06
    Общее количество слов 3438
    Общее количество уникальных слов составляет 1696
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 07
    Общее количество слов 3457
    Общее количество уникальных слов составляет 1701
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 08
    Общее количество слов 3383
    Общее количество уникальных слов составляет 1714
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 09
    Общее количество слов 3401
    Общее количество уникальных слов составляет 1813
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 10
    Общее количество слов 3332
    Общее количество уникальных слов составляет 1638
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 11
    Общее количество слов 3382
    Общее количество уникальных слов составляет 1766
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 12
    Общее количество слов 3489
    Общее количество уникальных слов составляет 1750
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 13
    Общее количество слов 3521
    Общее количество уникальных слов составляет 1844
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 14
    Общее количество слов 3464
    Общее количество уникальных слов составляет 1725
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 15
    Общее количество слов 3433
    Общее количество уникальных слов составляет 1778
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 16
    Общее количество слов 3540
    Общее количество уникальных слов составляет 1858
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 17
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 1861
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 18
    Общее количество слов 3453
    Общее количество уникальных слов составляет 1714
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 19
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 1743
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 20
    Общее количество слов 3491
    Общее количество уникальных слов составляет 1710
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 21
    Общее количество слов 3456
    Общее количество уникальных слов составляет 1616
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 22
    Общее количество слов 3450
    Общее количество уникальных слов составляет 1744
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 23
    Общее количество слов 3475
    Общее количество уникальных слов составляет 1751
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 24
    Общее количество слов 3490
    Общее количество уникальных слов составляет 1693
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 25
    Общее количество слов 3437
    Общее количество уникальных слов составляет 1707
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 26
    Общее количество слов 3408
    Общее количество уникальных слов составляет 1731
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 27
    Общее количество слов 3446
    Общее количество уникальных слов составляет 1766
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 28
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 1652
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 29
    Общее количество слов 3391
    Общее количество уникальных слов составляет 1715
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 30
    Общее количество слов 3549
    Общее количество уникальных слов составляет 1790
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 31
    Общее количество слов 3352
    Общее количество уникальных слов составляет 1726
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 32
    Общее количество слов 531
    Общее количество уникальных слов составляет 374