Latin

Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 20

Общее количество слов 3491
Общее количество уникальных слов составляет 1710
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
жәҩантәылақәа рынцәа иоуп.
128- Шәарҭ иҳараку аҭыԥқәа зегьы рыҟны абаҟақәа ргыло шәыхәмаруама?
129- Наунагӡа шәаанхоит ҳәа шәазхәыцны ахан дуқәа шәыргылоума?
130- Шәымчра, еснагь агәымбылџьбаҩцәа реиԥш аума шәхы ишашәырхәо?
131- Уажәшьҭа Аллаҳ иҿагылара шәҽацәыхьчаны сҳәатәы хашәҵа».
132- «Шәицәшәа Уи, шәарҭ абриаҟара, ижәдыруа аразҟқәа:
133- Арахә- ашәахәи, ахшареи,
134- Абаҳчақәеи, аӡыхьқәеи, шәаҭәеишьеит.
135- Аиашазы, шәара ишәызку уи амш ду аргәаҟра, даараӡа сацәшәоит».
136- Абас аҭак ҟарҵеит: «Уара уҳалабжьаргьы уаҳмылабжьаргьы ҳара ҳзы зегь
акоуп.
137- Ҳарҭ ҳазқәу амҩа, жәытәнатә аахыс ҳабдуцәа зқәу амҩа ада даҽакы акәӡам.
138- Уи амшала, агәаҟра ҳақәшәарангьы ҳаҟам».
139- Абас ала, уи амцҳәара идыркылеит, ҳаргьы дара иқәӡаа иқәаҳгеит. Аиашазы
абри аҟны аҵатәхәы ду ыҟоуп, аха реиҳараҩык иазхаҵаҩцәамхеит.
140- Ҳәарада, уара унцәа, аиааираҵәҟьеи аҳәаа змам арыцҳашьареи ирықәиҭу
иоуп.
141- Семуд жәларгьы рԥааимбар амцҳәара идыркылеит.
142- Рашьа
Салиҳ,
урҭ
абас
реиҳәахьан:
«Аллаҳ
иҿагылара
шәҽацәышәмыхьчаӡои?»
143- Сара, шәарҭ ишәзаашьҭу, зыгәрагоу цҳаражәҳәаҩык соуп.

144- Уажәшьҭа Аллаҳ иҿагылара шәҽацәыхьчаны сҳәатәы хашәҵа.
145- Абри азы, шәара шәҟынтә акагьы сазыԥшӡам. Сара сџьабааԥса сызҭаша
жәҩантәылақәа рынцәа иоуп.
146- Шәарҭ абраҟа, абаҳчақәеи, ауҭрақәеи, аӡыхьқәеи рхықә аҟны,
147- Аҽаҩреи, зшәырқәа ҿалаз ахәырмарҭақәа рыбжьара,
148- Агәҭынчреи ашәарҭадареи шәыманы шәзаанхо џьышәшьоума?
149- Ашьхақәа рыҟны, ахан ԥшӡақәа ҟазарала иҭаԥҟаны, иеиқәычаԥа
ишәыргылоит.
150- Уажәшьҭа, Аллаҳ иҿагылара шәҽацәыхьчаны сҳәатәы хашәҵа.
151- Адгьылтәыла аҟны ацәгьа зыршо ауаа рҭахрақәа нашәмыгӡан.
152- Ахырҟьаҩцәа рҳәатәы хашәымҵан».
153- Убас рҳәеит: «Ҳәарада, уара иҟу уаҩуп!
154- Уаргьы, ҳара ҳаиԥш ууаҩԥсуп. Уажәа ииашазар, ус анакәха, џьашьахәык
ҳзаарԥшы».
155- Салиҳгьы: «Абар, аџьашьахәы, абри ажәмахҽ ауп, аӡы ажәра агәаран мышкы
иара иатәуп, мышкгьы шәара ишәтәуп.
156- Амала цәгьарак азаҳуп ҳәа иақәшәымкын. Мамзар идуӡӡоу уи амш аргәаҟра
шәыхьӡоит» иҳәеит.
157- Абас ишыҟазгьы, ажәмахҽ ршьит, аха нас иҟарҵаз иахьхәит.
158- Избанзар, агәаҟра рыхьӡеит. Ииашаҵәҟьаны, абри аҟны кырӡа аҵатәхәы
ыҟоуп, аха реиҳараҩык иазхаҵҩцәамхеит.
159- Ҳәарада, уара унцәа, аиааираҵәҟьеи аҳәаа змам арыцҳашьареи ирықәиҭу
иоуп
160- Луҭ ижәларгьы рԥааимбар амцҳәара идыркылеит.
161- Рашьа Луҭ, урҭ абас реиҳәахьан: «Аллаҳ иҿагылара шәҽацәышәмыхьчаӡои?»
162- Ижәдыруазааит, сара, шәарҭ ишәзаашьҭу, зыгәрагоу цҳаражәҳәаҩык соуп.
163- Уажәшьҭа Аллаҳ иҿагылара шәҽацәыхьчаны, сҳәатәы хашәҵа.
164- Абри азы шәара шәҟынтә акагьы сазыԥшӡам. Сара сџьабааԥса сызҭаша
жәҩантәылақәа рынцәа иоуп.
165- Шәынцәа шәара шәзы иишаз шәхатәҩызацәа ааныжьны,
166- Ауааԥсыра рыбжьарантәи ахацәа шәырзааигәахоума? Аиашазы шәарҭ
иахзырҟьацәаз (имаҳагьоу) жәларык шәоуп!»
167- «Уа Лут!» рҳәеит: «Абри ухымҩаԥгашьа умыԥсахыр, иудыруазааит, атәыла
уалцахоит!»
168- Лут: «Аиашазы сара усгьы, шәызҿу аусқәа ихәымгасшьоит!» иҳәеит.
169- «Сынцәа! Сҭаҳцәеи сареи, абарҭ иҟарҵо ахәымгара аҭакԥхықәра
ҳацәыхьча!»
170- Абри азы, иҭаҳцәагьы иаргьы еиқәҳархеит.

171- Шьҭахьҟа иаанхаз, ирыланхаз ҭакәажәык лыда,
172- Егьырҭ иааизакны иқәаҳгеит.
173- Уаҩ ииумбац қәак рзаҳаруит. Аҵыхәтәан, згәызҽанаҳҵахьаз ирзауыз ақәа
ҳаӷеимшхарахеит.
174- Ҳәарада, абри
аҟны идуӡӡоу аҵатәхәы ыҟоуп, аха реиҳараҩык
иазхаҵаҩцәамхеит.
175- Ҳәарада, уара унцәа, аиааираҵәҟьеи аҳәаа змам арыцҳашьареи ирықәиҭу
иоуп.
176- Еиқье жәларгьы рԥааимбар амцҳәара идыркылеит
177- Рашьа
Шуаиб,
урҭ
абас
реиҳәахьан:
«Аллаҳ
иҿагылара
шәҽацәышәмыхьчаӡои?
178- Ижәдыруазааит, сара шәарҭ ишәзаашьҭу, зыгәрагоу цҳаражәҳәаҩык соуп.
179- Уажәшьҭа Аллаҳ иҿагылара шәҽацәыхьчаны, сҳәатәы хашәҵа.
180- Абри азы шәара шәҟынтә акагьы сазыԥшӡам. Сара сџьабааԥса сызҭаша
жәҩантәылақәа рынцәа иоуп.
181- Ашәага ииашаны иҟашәҵа, иагырханы икапанны, аԥырхага ҟазҵо
шәреиуамхан.
182- Ииашоу акапанга ала ишәкапанла.
183- Ауааԥсыра ирыхәҭоу иагшәмырхан, аиҿакшара аԥшьганы адгьылтәыла аҟны
аилаҩынтра цәыршәымган.
184- Шәареи, уаанӡатәи абиԥарақәеи зшаз шәихаҵгыл».
185- Даргьы абас аҭак изыҟарҵеит: «Ҳәарада, уара иҟу уоуп!
186- Уаргьы ҳара ҳаиԥш уаҩԥсык уоуп. Иудыруазааит, ҳарҭ, уара умцҳәаҩны
уҳаԥхьаӡоит.
187- Амала уажәа иашазар, иааг, ажәҩан аҟынтә агәаҟра (ахаҳә) ҳзаруы».
188- Шуаиб: «Иҟашәҵо, зегьы раасҭа еиӷьны издыруа сынцәа иоуп» иҳәеит.
189- Ажәакала, уи амцҳәара идыркылеит, аха ус ишыҟаз еиқәылашьцоу, агага
иaхәаҽыз уи амш, игәыҭҟьагоу хлымӡаахк ааины урҭ ааннакылеит.
Ииашаҵәҟьаны, уи амш даараӡа ихлымӡаахын!
190- Аиашазы, абри аҟны идуӡӡоу аҵатәхәы ыҟоуп, аха реиҳараҩык
иазхаҵаҩцәамхеит.
191- Ҳәарада, уара унцәа, аиааираҵәҟьеи аҳәаа змам арыцҳашьареи ирықәиҭу
иоуп.
192- Ҳәарада уи (Аҟәырҟан), адгьылтәылақәа рынцәахәы хәҭа-хәҭала илбааигаз
шәҟәуп.
193- Уи, зыгәра гоу ацқьа (Гаврил) илбааигеит,
194- Агәҽанҵаҩцәа уреиуахап ҳәа,
195- Иаартыҵәҟьаны араб бызшәала угәы аҟны илбаагоуп.

196- Уи, ҳәарада уаанӡатәи ашәҟәқәа рыҟынгьы иҟан.
197- Исраил иԥацәа рҵарауаа ари ахьырдыруа, дара рзы иршаҳаҭгаӡами?
198- Амала ҳара, уи, араб бызшәа ззымдыруа аӡәы изылбааҳгандаз,
199- Насгьы, дара ҳарзаԥхьандаз, зегьдарароуп иазхарҵомызт.
200- Абасала, уи агәырԥсауаа рыгәқәа иҭаҳҵеит.
201- Урҭ, ихьаагоу агәаҟра рбаанӡа уи азхарҵаӡом.
202- Уи агәаҟра, ирызгәамҭаӡакәа, иаразнак ирзааиуеит.
203- Усҟангьы: «Ҳара даҽазнык аҽҳәара ҳарҭоума?» ҳәа иҵаашт.
204- Урҭ (џьашьахәык абара ахьырҭаху азы) ргәаҟра иаразнак ирзааир рҭахума?
205- Усгьы иубарҭоуп, аразҟы рацәа рыманы кыраамҭа инҳархар,
206- Ашьҭахьгьы излаҳаршәахьаз агәаҟра рзааир,
207- Рхы иадырхәақәоз акагьы џьаргьы ирыхәаӡом.
208- Ҳара, алабжьаразы агәҽанҵаҩцәа рзынаҳмышьҭкәа,
209- Жәларык наҳмырҵәаӡац. Ҳара ҳгәымбылџьбаҩцәаӡам.
210- Уи (аҟәырҟан), аҩсҭаацәа илбаарымгаӡеит.
211- Ари, дара рус алам, рымчгьы азхаӡом.
212- Ҳәарада, дара, аҵаҳәарақәа рмаҳаратәы иацәыԥхьакуп.
213- Ус анакәха, Аллаҳ ида даҽа нцәахәык уимҵахырхәаны уимыҳәан, мамзар
иахьырхәқәаз уреиуахоит.
214- Уҭынха гәакьацәа ирыҵаҳәа, ргәырҽанҵа.
215- Иуцу азхаҵаҩцәа ахылаԥшра рыҭ.
216- Аха иуҿагыларгьы убас раҳәа: «Сара шәарҭ иҟашәҵақәо, хымԥада,
сырцәыхароуп».
217- Уара, аиааираҵәҟьа зтәу, иҳәаадоу арыцҳашьара злоу Аллаҳ уиқәгәыӷ.
218- Уи уара, уангыло (уахынла анамаз акразы) уибарҭоуп,
219- Асаара рыҽкажьны, ахырхәара иаҿу рыбжьара иуҭагылазаашьоугьы
ибарҭоуп,
220- Избанзар, Уи, зегьы заҳауа, зегьы здыруа иоуп.
221- Аҩсҭаацәа ракәзар, иззылбаауа шәарҭ ишәасҳәарыма?
222- Урҭ, агәырԥсеи, аҳәынҵәа агәыдҵареи иазгагоу ауаа ирзылбаауеит.
223- Урҭ, рлымҳа аҩсҭаа изкыдуп, реиҳараҩыкгьы мцҳәаҩцәоуп.
224- Апоетцәа ракәзар, урҭ рышьҭахгьы имҩахҟьаз ауаа гылеит.
225- Иеиуеиԥшым аԥсҭақәа рҿы хықәкыда ишылеиҩеиуа умбаӡои?
226- Иҟарымҵази ирзыҟамҵашеи рыӡбахә аҳәароуп изҿу.
227- Амала, иазхаҵаҩцәаханы, адунеии нарцәи рзы ихәарҭоу аусқәа ҟазҵази,
Аллаҳ кырӡа дызгәалазыршәази, аиашамра ианақәшәа зхы зыхьчази,
рҭагылазаашьа хазуп. Аиашамра ҟазҵаз, ирԥеиԥшхараны иҟоугьы хара
имгакәа ирбараны иҟоуп.

27 . Немл (Ашышкамс)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
12-

Ҭа. Син. Абарҭ, аҵабыргқәа аазыртуа ашәҟәы Аҟәырҟан ажәаԥҟарақәа роуп.
Уи, азхаҵаҩцәа рзы ицқьашәқьоу лашарак ишахыҵхырҭоу еиԥш,
игьгәырӷьаҽҳәашоуп.
3- Урҭ азхаҵаҩцәа, рнамаз ркуеит, рзеқьаҭ рҭиуеит, нарцәытәи
аԥсҭазаарагьы хьаҳәа-ԥаҳәада агәра ргоит.
4- Ҳәарада, ҳара, нарцәы азхазымҵо ауаа, иҟарҵо зегьы иԥшӡаны идҳарбеит, уи
амшалагьы баша ихандеиуа иқәуп.
5- Иара убарҭ, зегьы раасҭа ихьанҭоу ахьырхәра зықәнаго роуп, нарцәы зегьы
раасҭа аԥхасҭа зауышагьы дара ракәхоит.
6- Ҳәарада, абри Аҟәырҟан, адырреи аҟәыӷареи ирықәиҭу Аллаҳ иҟынтә уара
иуҭоуп.
7- Аамҭак азы Мыса иҭаацәа рахь: «Иҵабыргыҵәҟьаны мцак збеит. Шәарҭ
уаантәи жәабжьк, мамзаргьы шәыҽшәырԥхаразы мцак злеиқәышәҵаша
кәыҭӷак шәзаазгоит» ҳәа реиҳәахьан.
8- Уаҟа даннеи, бжьык иқәырган: «Амца иавагылоугьы, ааигәара иҟоугьы
иԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп! Аԥсабарақәа рынцәахәы Аллаҳ, агха-ԥхақәа
дырҟәыгоуп.
9- «Уа Мыса! Ҳәарада, сара аиааираҵәҟьеи аҟәыӷареи зтәу Аллаҳ соуп!»
10- «Улабашьа наҟ икаршә!» Мыса илабашьа каршәны, уи амаҭ еиԥш ишҳәазоз
аниба, шьҭахьҟа дмыԥшыкәа дыҵҟьеит: «Уа Мыса! Умшәан, сара сҿаԥхьа
аԥааимбарцәа зыцәшәо ҳәа акагьы ыҟам».
11- «Амала, аиашамрахь имҩахыҵыз шәоит, аха урҭгьы иҟарҵаз ацәгьара
ахаҭыԥан бзиарак ҟарҵар, ирдыруазааит, сара кырӡа санажьҩуп, кырӡагьы
срыцҳашьаҩуп».
12- «Уажәгьы унапы укәа иҭаҵаны, чмазарак, аахак амамкәа ишкәакәаӡа,
ицырцыруа иааҭугап. Аџьашьахәқәа жәба рыла Фараони иуаажәлари урызца.
Избанзар, урҭ имҩахҟьаз жәларны иҟалеит».
13- Уџьашьахәқәа
урҭ рҿаԥхьа ианцәыруга:
«Ари,
иаартыҵәҟьаны
лаԥшхырԥароуп» рҳәеит.

14- Аџьашьахәқәа хьаҳәа-ԥаҳәада, иаартыҵәҟьаны ишырбазгьы рҽырԥагьареи
ргәымбылџьбареи амшала мап рцәыркит. Аха аҵыхәтәаны, аиҿакшаҩцәа
рлахьынҵа зеиԥшрахаз унахәаԥш!
15- Ҳәарада, ҳара, Дауҭи, Шәлимани адырра раҭәаҳшьеит: «Ҳарҭ, азхаҵаҩцәа
реиҳараҩык ҳреиӷьызтәыз Аллаҳ арҽхәаԥхьыӡқәа зегьы дрыԥсоуп!» рҳәеит.
16- Шәлиман, Дауҭ иҭыԥ дахагыланы убас иҳәеит: «Уа ауааԥсыра! Ҳара аԥсаатә
бызшәа ҳарҵоуп, насгьы ауаа ираҭәашьоу зегьы рҟынтә иахәҭоу аҟара
ҳаҭәашьоуп. Ииашаҵәҟьаны абри, иаартыҵәҟьоу аҭәашьарак ауп».
17- Шәлиман аамҭак азы аџьинцәеи, ауааԥсыреи, аԥсаатәи рыла иеиҿкааз ируаа,
зегьы шеицыз напхгара риҭон.
18- Аҵыхәтәан, Ашышкамсқәа рыԥсҭа аҟны ианааи, шышкамск убас аҳәеит: «Уа
Ашышкамсқәа! Амарџьа, шәыҭрақәа шәырҭал, Шәлиман ируаа
шәрызгәамҭакәа шәыдмырҟьацааит!» ҳәа.
19- Ари ажәа заҳаз Шәлиман дааԥышәарччан: «Уа сынцәа! Сани, саби, сареи
иҳаҭәаушьаз сырхаҭабуны, угәы иахәаша аусқәа рыҟаҵара сахьыгӡа,
улԥхала, сара ауаа бзиақәа сырхыԥхьаӡала!» иҳәеит.
20- Шәлиман аԥсаатә днарылаԥшын: «Ашамыхьажь зысымбои, мамзар иӡыз
ирылахама?» ҳәа дҵааит.
21- «Иаартыҵәҟьоу ҽыӡгак сзаанамгар, ма ӷәӷәала иахьсырхәып, мамзаргьы
ахәда хысҵәап!» иҳәеит.
22- Дук мырҵыкәа Ашамыхьажь ааин убас аҳәеит: «Сара, уара иузымдыруаз акы
еилыскааит. Сабатәи ажәлар ирызкны ииашаҵәҟьоу жәабжьк узаазгеит».
23- «Урҭ аҳкәажәк напгара рылҭоит, лара алшара ҷыдақәа лыҭоуп, иблахкыгоу
тәарҭакгьы лымоуп.
24- Амала, лареи лыуаажәлари, Аллаҳ дааныжьны амра иамҵахырхәоны избеит.
Аҩсҭаа, иҟарҵо ибзиоушәа идырбаны имҩахиҟьазаап. Абри амшалагьы амҩа
иаша рзыԥшаауам.
25- Ажәҩанқәеи адгьыли рыҟны иҟоу зегьы цәырызго, иаҳӡозгьы иҳарзозгьы зегьы
здыруа Аллаҳ имҵхырхәаӡом.
26- Аха идуӡӡоу жәҩанқәацә иаԥшәымоу Аллаҳ ида нцәа дыҟаӡам».
27- Шәлиман: «Иуҳәо иашоума, мамзар умцҳәаҩма, ҳахәаԥшып.
28- Абри сышәҟәы рзнаганы раԥхьа инықәҵа, насгьы унаскьаны угыл, ирыӡбогьы
унахәаԥш» иҳәеит.
29- (Ашәҟәы зауз Сабатәи аҳкәажә абас ҿаалҭит:) «Аҩызцәа! Сара кыр зҵазкуа
шәҟәык сзаашьҭуп!
30- Ашәҟәы, Шәлиман иҟынтә иаҳзаауеит, «иаҳзылыԥхауа, иҳаназыжьуа Аллаҳ
ихьӡала» ҳәа иалагоит,
31- «Сара шәысҿамгылан, шәааины сҳәатәы хашәҵа», ҳәа ианиҵоит» лҳәеит.

32- Аҳкәажә убас лҳәеит: «Аҩызцәа! Сҭагылазаашьа иазкны шәгәаанагара
сашәҳәа. Шәара шәгәаанагара еилымкаакәа зынӡа акгьы сыӡбаӡом».
33- Абас аҭак ҟарҵеит: «Ҳарҭ ҳаӷәӷәоуп, аибашьҩы џьбарақәа ҳауп, аха иагьа
ус акәзаргьы, аӡбара бнапы иануп, ибыӡбаша бара базхәыц».
34- Аҳкәажә убас лҳәеит: «Аҳцәа тәылак ианалалак, хыла-гәыла иеилаҵаны
ажәлар раԥхьагылаҩцәагьы раҳаҭыр ладырҟәуеит. Абарҭгьы уи аҩыза
ҟарҵозар акәхап.
35- Сара урҭ, ҳамҭак рзысышьҭуеит, нас ҳацҳаражәҳәаҩцәа шьҭахьҟа
ишыхынҳәуа ҳахәаԥшып».
36- (Ацҳаражәҳәаҩцәа) Шәлиман ианизнеи, убас реиҳәеит: «Шәарҭ, сара амал
ала цхыраара сышәҭоума? Аллаҳ сара исаҭәеишьаз, шәара исышәҭаз аасҭа
иеиӷьуп. Мап, мап! Шәара шәҳамҭа, шәара шәеиԥш иҟоу мацара роуп
иеигәырӷьо.
37- (Уа ацҳаражәҳәаҩы!) Уахь урзыхынҳәы, ибзианы ирдыруаз, зынӡа
изырҿамгылаша ар рыла ҳнеины, хымԥада иаҵарханы, раҳаҭыр ларҟәны,
ртәылагьы иалаҳцоит!»
38- (Нас иабжьагаҩцәа рахь днаҳәны): «Сҩызцәа! Урҭ машьцаханы, сара
исзааиаанӡа, шәыбжьара уи аҳкәажә лтәарҭа ҭыԥ сзаазгарыда?» ҳәа
дразҵааит.
39- Аџьинцәа рыбжьара зегьы раасҭа иӷәӷәаз, насгьы зсахьа цәгьаз: «Утәарҭа
уахыҵаанӡа сара уи узаазгоит. Ииашаҵәҟьаны, уи сымч ақәхоит, сара
узықәгәыӷша соуп» иҳәеит.
40- Ашәҟәы иазкны адырра змаз даҽа џьынк иакәзар: «Сара уи, ублақәа хҩаны
ихыутаанӡа иузаазгоит» ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Шәлиман атәарҭа ивараҿы
ианиба, абас иҳәеит: «Ари, иҭабуп ахысҳәаауама, мамзаргьы абзиара
сзеилымкаауа сҟалома ҳәа сԥызшәаз сынцәа иаҭәашьароуп. Иҭабуп зҳәаз,
ихазы иҳәоит, абзиара ззеилымкаазгьы идыруазааит, сара сынцәа акы згыу
иакәӡам, гәыҭбааралагьы дҳаракӡоуп».
41- «Уи лтәарҭа лзымдыруа иҟашәҵа, ҳахәаԥшып, еилызкаауа, мамзаргьы
иззеилымкаауа дреиуоу» иҳәеит.
42- Аҳкәажә данааи: «Бара бтәарҭагьы абас аума ишыҟоу?» ҳәа илазҵааит.
Лара: «Ахаҭаԥсаҭа акәушәа избоит!» лҳәан, инацылҵеит: «Ҳарҭ уаанӡагьы,
шәара ишәызкны адырра ахьҳауз азы уажәшьҭа ҳаԥсылманцәахоит»
лҳәеит.
43- Уи, уаанӡа Аллаҳ ида дзымҵахырхәақәоз дымҩахырҟьахьан, избанзар лара
имапкыҩцәаз жәларык дреиуан.
44- Иларҳәеит: «Ахан быҩнал» ҳәа. Аҳкәажә ӡык дҭалоз џьылшьан лкалҭ
ааидылкылеит. Шәлиман: «Ари абырлаш иалху ахан, асаркьа иалху адашьма

ауп» ҳәа аҳкәажә лгәылҽаниҵеит. Аҳкәажәгьы: «Сынцәа! Сара ииашаҵәҟьаны
схы
агәымбылџьбара
азызуазаарын!
Уажәшьҭа
Шәлиман
ила
адгьылтәылақәа рынцәахәы Аллаҳ иҿаԥхьа сшьамхнышгылеит» лҳәеит.
45- Семуд жәларгьы: «Аллаҳ шәимҵахырхәа» ҳәа реиҳәарц азы рашьа Салиҳ
дырзынаҳашьҭит. Аха иаразнак иеиҿагылаз ҩ-гәыԥкны рҽааиҩыршеит.
46- Салиҳ: «Уа сыуаажәлар! Избан, абзиара шыҟоу, ацәгьара ашҟа шәхы зшәырхо,
дышәзылԥхарц азы Аллаҳ ианажьра шәаҳәар ҟамлаӡои?» иҳәеит.
47- Абас аҭак ҟарҵеит: «Уареи уҩызцәеи шәымшала мышьҭацәгьарак
ҳақәшәеит». Салиҳ: «Шәара шәзықәшәақәаз Аллаҳ иҟынтә ауп. Аиашазы
шәарҭ иԥыршәо жәларык шәоуп» иҳәеит.
48- Уи ақалақь аҟны жәҩык ыҟан, арҭ ауаа адгьылтәылаҿы ацәгьаршра иаҿын,
абзиара ашҟа рхы хаӡамызт.
49- Рыбжьара ҭоуба уны абас иеицәажәан: «Уахынла ҳрықәланы, иаргьы
иҭаацәагьы ҭаҳархап, насгьы ихылаԥшҩы; ҳара уа ҳаҟаӡамызт,
иҵабыргыҵәҟьаны аиаша ҳҳәоит ҳәа иаҳҳәап» ҳәа рыӡбеит.
50- Урҭ абас шьацҳәак ишазхәыцуаз, ҳаргьы дара ирызгәамҭаӡакәа хьырхәрак
рзаԥаҳҵеит.
51- Уахәаԥш, ршьацҳәа аҵыхәтәа зеиԥшрахаз: Рхаҭақәагьы рыуаажәларгьы
иааизакны, иқәӡаа инықәаҳгеит.
52- Абар, риашамра амшала иеилабгаз рыҩнқәа! Иеилызкаауа жәларык рзы
ҳәарада, абри аҟны аҵатәхәы ыҟоуп.
53- Иазхаҵаҩцәаханы Аллаҳ иҿагылара зҽацәызыхьчаз ауаа ракәзар, уи
ахлымӡаах иалаҳгеит.
54- Луҭгьы дугәаларшәа! Уигьы иуаажәлар: «Шәыбла ишабо, абри аҩыза
аламысдара ҟашәҵома?»
55- «Аҳәса рцымхәрас, ахацәа гәахәарала шәрызнеиуама? Аиашазы шәарҭ
ҿаасҭала зхы мҩаԥызго жәларык шәоуп» иҳәеит.
56- Аха иуаажәлар: «Луҭгьы иҭаацәагьы шәтәыла иалышәца, избанзар урҭ,
зыцқьареи зыламыси иазԥагьоу ракәзаап!» ҳәа аҭак ҟарҵеит.
57- Абри амшала, иԥҳәыс лыда, иареи иҭаацәеи еиқәҳархеит. Иԥҳәыс шьҭахьҟа
иаанхаз дрылахәзарц ҳаӡбеит.
58- Урҭ, ӷәӷәала қәак рзаҳаруит, уаанӡа згәызҽанаҳҵахьаз (аха, хьаас
ишьҭызымхыз) ауаа ирзаҳаруз ақәа кырӡа ицәгьахеит.
59- Убас ҳәа: «Арҽхәаԥхьыӡқәа зызку Аллаҳ сихаҭабуеит, абзиара рымаз
иаликааз иуаажәларгьы. Аллаҳ иакәу мамзаргьы ивадырҟәылаз ракәу еиҳа
иеиӷьу?»
60- Ус анакәха, ажәҩанқәеи адгьыли зшаз, ажәҩан аҟынтә аӡы шәзылбаазгаз
дызусҭада? Ҳара уи аӡы ала, шәарҭ ҵла заҵәык ааӡара шшәылымшазгьы

абаҳча ԥшӡақәеи ашәырырҭақәеи аԥаҳҵеит. Аллаҳ ида даҽа нцәак дыҟоуп
рҳәоума? Аиашазы урҭ зымҩахҟьара иацызҵо уаауп.
61- Насгьы адгьылтәыла ақәынхаразы изырманшәалаз, аԥсҭақәа рыбжьарантәи
аӡиасқәа рызназгаз, адгьыл мҵысырц азы ашьхақәа шьаҟақәаны изшаз, ҩмшынк рыбжьара (еиламларатәы) ԥынгылак бжьазҵаз дызусҭада? Аллаҳ ида
даҽа нцәахәык дыҟоума? Аиашазы урҭ реиҳараҩык аҵабырг рыздыруам.
62- Ауадаҩра уақәшәаны уаниҳәалак иухьӡо, угәаҟра ухызго, насгьы
адгьылтәылаҿ напхгаҩыс уҟазҵо дарбану? Аллаҳ ида даҽа нцәахәык
дыҟоума? Шаҟа илаҟәны шәхәыцуазеи!
63- Уи адагьы, адгьыли амшынқәеи рылашьцарақәа рыҟны амҩа шәзырбо
дарбану? Аԥшақәа, илыԥха аԥхьа иргыланы гәырӷьаҽҳәашас иаазышьҭуа
дарбану? Аллаҳ ида даҽа нцәахәык дыҟоума? Аллаҳ, урҭ ивадырҟәылақәаз
раасҭа кырӡа дҳаракуп, урҭ дырҟәыгоуп.
64- Нас, раԥхьаӡа изшаз, ашьҭахьгьы иааиԥмырҟьаӡакәа зшара иацызҵо дарбану?
Шәарҭ, ажәҩан аҟынтәгьы, адгьыл аҟынтәгьы аразҟы шәызҭо дарбану?
Аллаҳ ида даҽа нцәахәык дыҟоума? Убас раҳәа: «Аиаша шәҳәозар, ус анакәха,
шәыршаҳаҭга ҳшәырба!»
65- Убас ҳәа: «Ажәҩанқәеи адгьыли рыҟны Аллаҳ ида иҟалаша здыруа дыҟам».
Урҭ ԥсны, рыԥсы анҭалашагьы рыздырӡом.
66- Мап, урҭ нарцәы иазку рдыррагьы наӡам, уи адагьы, абри иазкны есымша
агәыҩбара рымоуп, аиашазы урҭ нарцәы иазкны илашәыҵәҟьоуп.
67- Мапкыҩцәа убас рҳәеит: «Ҳареи ҳабдуцәеи анышә ҳаналаӡ ашьҭахь,
даҽазнык ҳабзахоума?
68- Аиашазы, абри аҩыза ажәабжь ала ҳабдуцәагьы дыршәахьан. Амала уи,
ажәытәуаа рлакәқәа рыда уаҳа даҽакы акәӡам».
69- Убас раҳәа: «Адгьылтәыла шәакәшаны, агәырԥсауаа рҵыхәтәа зеиԥшрахаз
шәнахәаԥш!»
70- Уаргьы, дара рымшала умхьаан, ашьацҳәа ахьыузықәдыргыло азгьы
умгәырҩан.
71- Урҭ: «Шәиашаҵәҟьазар, шәажәа анбанаӡо?» ҳәа иҵаауеит.
72- «Лассы иааирц ззышәҭаху агәаҟра, хәҭак шәхы ишҭаԥара иҟазаргьы
алшоит» ҳәа раҳәа.
73- Ҳәарада, уара унцәа ауааԥсыра рзы дшаҭаҩуп, аха урҭ реиҳараҩык иҭабуп
ҳәагьы рызҳәом.
74- Унцәа, урҭ ргәы иҭарҵәахызгьы, идыраргамоугьы хымԥада идыруеит.
75- Жәҩани дгьыли рыҟны имаӡоу акы ыҟаӡам, иаартыҵәҟьоу шәҟәык
ианымлакәа.

76- Аиашазы, абри аҟәырҟан аҟны, Исраил иԥацәа еимактәыс ирымоу иазкны
реиҳарак иаартны иеиҭаҳәоуп.
77- Ҳәарада, урҭ, азхаҵаҩцәа рзы, алашареи алԥхеи ирхыҵхырҭоуп.
78- Ииашаҵәҟьаны, унцәа урҭ рыбжьара иҟоу дақәыӡбараны дыҟоуп. Уи
аиааираҵәҟьа зтәу иоуп, зегьы здыруа иоуп.
79- Ус анакәха, уара Аллаҳ уиқәгәыӷ, избанзар иаартыҵәҟьоу аҵабырг мҩа уануп.
80- Иудыруазааит, уара аԥсцәа ираҳартә иузыҟаҵом, рышьҭахь аиарханы ицо
адагәацәагьы ираҳартә иузыҟаҵом.
81- Уара, илашәу ауаа ихәанчоу амҩа аҟынтә амҩа иашахь иузаагом. Уара,
ҳажәаԥҟарақәа рыгәра ганы, иазхазҵаз дырҳара улшоит.
82- Уи ажәа (акаамеҭ) анынаӡалаак, адгьыл аҟынтә, иаҳшаз акы рызцәырганы,
ауааԥсыра ҳажәаԥҟарақәа инагӡаны ишазхарымҵаз раҳаратәы иҟаҳҵоит.
83- Уи аҽны, жәларыцыԥхьаӡа ҳажәаԥҟарақәа мыцны изыԥхьаӡоз агәыԥқәа,
џьарак иеизаҳгоит. Урҭ еиҿкаарала (рҳасаб ахьеилдыргаша аҭыԥ ашҟа)
идәықәҵахоит.
84- Аҵыхәтәан, уа ианнеилак, Аллаҳ убас иҳәоит: «Шәарҭ, сара сажәаԥҟарақәа
изакәу еилымкаакәа, имцны ишәыԥхьаӡеит, ус ами? Ус акәымзар, шәызҿыз
закәыз?»
85- Агәымбылџьбарахь иахьымҩахыҵыз амшала, дара ирызкны ииҳәаз ажәа
нагӡахеит, уажәшьҭа изцәажәаӡом.
86- Рыԥсы ршьааит ҳәа аҵх шаҳшаз, ҽынлагьы илашаӡа ишыҟаҳҵаз рымбаӡеи?
Иазхазҵаз жәларык рзы абри аҟны ҳәарада, аҵатәхәқәа ыҟоуп.
87- Абыкь (Сур) ианҭаҭәҳәо амш, Аллаҳ игәаԥхаз рыда, ажәҩанқәеи адгьыли
рыҟны иҟоу зегьы ргәы ҭҟьоит, зегьы рыхқәа ларҟәны Иара иахь иааиуеит.
88- Ашьхақәа урыхәаԥшны, игыло џьушьоит, аха урҭгьы аԥҭақәа реиԥш
иныҟәоит. Арҭ зегьы ӷәӷәаӡа иҟазҵаз Аллаҳ иҟазара ауп. Ҳәарада, Уи,
иҟашәҵо зегьы ирызкны адырра имоуп.
89- Дарбанзаалак, бзиарала дааир, еиҳа иеиӷьу иаҭәашьахоит, урҭ уи амш,
акаамеҭ агәыҭҟьагарагьы иацәыхьчахоит.
90- Амала, цәгьарала иааиз ракәзар, урҭ хланҵы, џьаҳаным иҭарыжьуеит:
«Иҟашәҵақәаз рышьҭахь даҽакала ишәԥылозма?» ҳәа раҳәахоит.
91- Убас ҳәа: «Сара, абри ақалақь (Меқьқье) ишәарҭаданы изыԥхьаӡаз анцәа
имацара имҵахырхәара сыдҵоуп. Усгьы зегьы Иара итәуп. Насгьы сара
сыԥсылмынхарц сыдҵоуп».
92- «Аҟәырҟангьы саԥхьарц сыдҵоуп». Уажәшьҭа амҩа иаша ианылаз ихазы
данылеит, имҩахҟьазгьы ихазы. Убас раҳәа: «Сара сыгәҽанҵаҩы мацароуп».

93- Еиҭах иҳәа: «Арҽхәаԥхьыӡқәа зегьы Аллаҳ изкуп, Уи, идыргақәа шәара
ишәирбоит, шәаргьы урҭ баны иеилышәкаауеит. Унцәа, иҟашәҵақәо
изымдыруа дыҟаӡам».

28 . Ҟасас (Ажәабжь)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
123-

Та. Син. Мим.
Арҭ, иаартыҵәҟьоу ашәҟәы ажәаԥҟарақәа роуп.
Иазхаҵаҩу жәларык рзы, Мысеи Фараони ражәабжьқәа рҟынтә хәҭак,
ишыҟаҵәҟьаз ала иузеиҭаҳҳәоит.
4- Ҳәарада, Фараон, адура иҽаҭаны, иуаажәлар гәыԥ-гәыԥла ишахьан. Убарҭ
рыбжьара гәыԥк имчыданы ибон азы, ахшара анроулак рыҷкәынцәа ҭарханы,
рҭыԥҳацәа мацара аанижьуан, избанзар уи дыцәгьаршҩын.
5- Аха ҳаргьы, уи атәыла аҟны, амчра змамкәа иҟоу ауаа ираҭәаҳшьар,
рыбжьара аԥызацәа рзалхны, иԥшьоу адгьылқәа рԥеиԥшгьы дара рнапы
ианаҳҵар ҳҭахын.
6- Насгьы урҭ уи аҭыԥ аҟны инырханы, Фараони, Ҳамани, дара рыруааи, (Исраил
иԥацәа рҟынтә ирзааирц) изыцәшәоз аусгьы дҳарбарц ҳҭахын.
7- Мыса иан: «Уи бгәыҳәԥы даҵаҵа цәгьарак дақәшәап ҳәа ашәарҭара анбоулак,
аӡиас дазныжь. Бымшәан, бымхьаан. Ҳара уи дбызҳархынҳәуеит, насгьы
ԥааимбарс дҟаҳҵоит» ҳәа лыҵаҳҳәеит.
8- Убас иагьыҟаҳеит. Фараон иҭаацәа уи (аӡиас аҟны) дырбан, дрыдыркылеит.
Амала аҵыхәтәан драӷахараны, гәырҩасгьы дырзыҟалараны дыҟан. Ҳәарада,
Фараони, Ҳамани, дара рыруааи изҭаҳашаз ҭыжаарак ажра иаҿын.
9- Фараон иԥҳәыс: «Уи, уаргьы саргьы гәырӷьаҽҳәашас даҳзыҟалеит! Уи
дшәымшьын, џьара дҳахәар ҟалоит, мамзаргьы ԥас дҟаҳҵап» лҳәеит. Урҭ
иҟалаша рзеилкаауа иҟамызт.
10- Мыса иан лгәы акәзар, лҵеи мацара изкын. Уи дазхаҵаҩны, дыгәрагаҩны
дҟаларц азы лгәы ҳмырӷәӷәазҭгьы, аус илыраргамон.
11- Мыса иаҳәшьа: «Аӡәгьы изеилымкаауа, уи бицклаԥш» ҳәа лалҳәеит. Ларгьы
агьырҭ идмырбаӡакәа харантәи лашьа дицклаԥшуан.

12- Ҳара уаанӡа, уи анаӡеицәа идимкыларц ҳаӡбахьан. Уи амшала иаҳәшьа:
«Шәара шәыхьӡала уи дзааӡаша, ихӡыӡааша ҭаацәарак шәзысыԥшаарыма?»
лҳәеит.
13- Абас ала, иан лгәы ҭынчханы, агәхьаа дамгарц, насгьы Аллаҳ иажәа
шҵабыргыз лбарц азы, уи иҭаацәа дрызҳархынҳәит, амала реиҳараҩык ари
рздырӡомызт.
14- Мыса, деизҳаны данҭышәынтәала, аҟәыӷареи адырреи иаҭәаҳшьеит.
Ибзианы зхы мҩаԥызго, ҳара убас ираҭәаҳшьоит.
15- Мыса, ауаа ианрызгәамҭаша аамҭак азы ақалақь далалеит. Уаҟа иара
ижәлар иреиуази, раӷацәа иреиуази, ҩыџьа шеисуаз ибеит. Иуаажәлар
иреиуаз ауаҩы, Мыса иҟынтә ацхыраара даҳәеит. Абри амшалагьы Мыса,
агьи ауаҩы ҭаҷкәымла дисын, иԥсы ааихихит. Мыса: «Ари аҩсҭаа иусуп, уи
иаартыҵәҟьаны ауааԥсыра драӷоуп» иҳәеит.
16- «Сынцәа! Аиашазы сара, иакәымны схы мҩаԥызгеит, абри амшала исанажь!»
аниҳәа, Аллаҳгьы уи ианаижьит. Избанзар, Уи, кырӡа данажьҩуп, кырӡагьы
дрыцҳашьаҩуп.
17- Мыса: «Сынцәа! Исаҭәаушьаз аразҟқәа мсааит, уажәшьҭарнахыс ацәгьара
зуа ахаан срыдгылаӡом» иҳәеит.
18- Ақалақь аҟны дшәаԥырҳаԥуа аарлаҳәа иршеит. Аха ашьыжь; иацы ацхыраара
зиҭаз ауаҩы, еиҭах дыҳәҳәо, иара иҟынтә ацхыраара даҳәон. Мыса уи ауаҩ:
«Уара иаартыҵәҟьаны хыҭҟьак уоуп» ҳәа иеиҳәеит.
19- Мыса, рҩыџьагьы ираӷаз ари ауаҩы дааникыларц аниҭаххагьы, уи ауаҩы абас
ибжьы иргеит: «Уа Мыса! Иацы уаҩыԥсык дшыушыз еиԥш, уажәгьы сара
сушьыр уҭахума? Уара, аиашамра арҽеира зҭаху уакәны уҟаларц акәымкәа,
атәылаҿы гәымбылџьбаҩыс уҟаларц уҭахызаап!»
20- Ақалақь егьи аган аҟынтә иҩуа иааиз аӡәы убасгьы иҳәеит: «Уа Мыса!
Аԥхьагылаҩцәа уара уршьырц азы аицәажәара мҩыԥыргоит, иаарласны
ақалақь уалҵны уца! Сара убзиара зҭаху аӡә соуп, сыгәра га».
21- Мыса, дшәаԥырҳаԥуа, днаԥшы-ааԥшуа ақалақь далҵит: «Сынцәа! Сара абарҭ
агәымбылџьбаҩцәа срылга!» ҳәа диҳәеит.
22- Мыса, Медиан ашҟа ихы анирха: «Агәыӷра сымоуп, сынцәа амҩа иашахь
скылигап» иҳәеит.
23- Медиан аӡы азааигәара даннеи, рырахә аӡы дзыржәуаз гәыԥҩык ауаа
дрықәшәеит. Урҭ рнаҩсгьы рырахә аанкыланы иԥшыз ҩыџьа аҳәса шыҟаз
ибеит. «Гәаҟрас ишәымоузеи?» ҳәагьы данразҵаа: «Ахьчаҩцәа рырахә аӡы
дыржәны имнаскьакәа, ҳарҭ ҳазнеиуам, ҳабгьы кырӡа дҭаҳмадоуп» рҳәеит.
24- Ас анырҳәа, Мыса урҭ рырахә аӡы диржәит. Насгьы днасҭханы: «Уа сынцәа!
Иарбанзаалак исаҭәаушьаша абзиара сазыԥшуп!» ҳәа диҳәеит.

25- Уи аамҭазы аҭыԥҳацәа руаӡәк дыԥхашьаԥхаҵо иааигәара дааин: «Ҳара
иҟаҳҵараны иҟаз, ҳхаҭыԥан ҳарахә аӡы дуржәит, абри ахә ишәарц азы ҳаб
дуԥхьоит» лҳәеит. Мыса уи (Шуаиб) иааигәара днеины, ихҭысыз зегьы
анизеиҭеиҳәа: «Умшәан, агәымбылџьбаҩцәа ухы рцәугеит» иҳәеит.
26- Аҭыԥҳацәа руаӡәк: «Ҳаб ухаҵкы! Ари ихә шәаны дудкыл. Избанзар, ԥарала
иудукылаша зегь раасҭа иӷәӷәоу, насгьы узықәгәыӷша аӡә иоуп» лҳәеит.
27- Аб, «Аашықәса аус сыцура ацымхәрас, сыԥҳацәа руаӡәк хатҩызас дусҭоит,
амала, жәа-шықәсанӡа иацуҵаргьы уара иудырып, суқәымчыр сҭахым. Анцәа
иҳәозар, саргьы ауаа бзиақәа сышреиуоу убарҭахап» иҳәеит.
28- Мыса: «Уи, уареи сареи ҳабжьара иҟаз, аамҭақәа рҟынтә инасыгӡозаалакгьы,
иашамрак сақәымшәароуп, иеибаҳҳәаз азы Аллаҳ дшаҳаҭуп» ҳәа аҭак
ҟаиҵеит.
29- Мыса, ари аамҭа нагӡаны иҭаацәеи иареи амҩа иқәланы ишцоз, Ҭур ашьха
аганахь ала мцак аниба: «Шәарҭ, абраҟа шәаасзыԥшы, сара мцак збеит,
издыруада убрантәи жәабжьк, мамзаргьы шәзырԥхаша мцак злеиқәаҳҵаша
кәыҭӷак сзаагозар» ҳәа иҭаацәа иреиҳәеит.
30- Уахь даннеи, иԥшьоу уи аԥсҭа арӷьарахь игылаз аҵла аганахьынтә, абас
бжьык иқәырган: «Уа Мыса! Сара жәҩантәылақәа ирынцәоу Аллаҳ соуп».
31- «Улабашьа шьҭаҵа!» Мыса илабашьа шьҭаҵаны, уи амаҭ еиԥш ишьҭаҳәазо
ианалага, дшәаны шьҭахьҟа дхьаҵит: «Уа Мыса! Арахь уааи, умшәан,
избанзар уара ашәарҭара уҭагылаӡам!
32- Уажәы унапы укәа иҭаҵа, чмазарак амамкәа, ишкәакәаӡа иҭугараны уҟоуп.
Ушәаны иеиҵыухыз унапқәагьы рҭыԥ ахь иааг. Абарҭ, уара Фараони
иҩызцәеи унцәа иҟынтә идурбаша ихьаҳәа-ԥаҳәадоу аршаҳаҭгақәа ҩба
роуп. Избанзар, урҭ имҩахҟьаз жәларык ракәхеит».
33- Мыса: «Сынцәа! Сара, убарҭ дреиуаны уаҩык дсамхашьхьан, сыршьыр ҳәа
сшәоит!
34- Сашьа Ҳарун сара саасҭа иҿаԥыц ӷәӷәоуп, уигьы цхырааҩыс дсыцҵа.
Избанзар сара амцҳәара сыдыркылар ҳәа сшәоит».
35- Аллаҳ убас иҳәеит: «Уара, уашьа ила ҳауцхраауеит, насгьы шәара, убри
аҩыза мчык шәаҳҭоит, уи амшала урҭ шәааигәара изааиуам, ҳџьашьахәқәа
рыла шәареи, шәҳәатәы хазҵақәази аиааира шәҳаргоит».
36- Мыса, урҭ иаартыз ҳажәаԥҟарақәа анрызнеига: «Ари иеиқәырҽаҽо
лаԥшхырԥарак акәзар ҟалап. Уаанӡа, ҳабдуцәа рхаангьы абри аҩыза
ҳмаҳаӡацызт» рҳәеит.
37- Мыса убас иҳәеит: «Иара иҟынтә алашара аазгазгьы, атәыла аҵыхәтәан
иззынхашагьы
зегь
раасҭа
ибзианы
издыруа
сынцәа
иоуп.
Агәымбылџьбаҩцәа зынӡа ахеиқәырхара изахьӡом».

38- Фараон: «Уа иалкаау ауаа! Шәара шәзы сара сыда даҽа нцәак дыҟам. Уа
Ҳаман! Абыржәыҵәҟьа ақьырмытӡырҭа сзеиқәҵаны, ашьҭахьгьы баа
ҳаракык сзыргыла. Издыруада, убра схаланы Мыса инцәа дызбаргьы. Амала
уи, зынӡа дымцҳәаҩуп ҳәа сазхәыцуеит» иҳәеит.
39- Фараони ируааи ҳара ҳашҟа ихынҳәраны ишыҟоу иазымхәыцкәа
адгьылтәыла аҟны ииашамкәа адура рҽарҭеит.
40- Ҳаргьы, иареи ируааи аанкыланы аӡду (амшын) ахь иҳаршәит. Уахәаԥши
агәымбылџьбаҩцәа рҵыхәтәа зеиԥшрахаз!
41- Урҭ, ажәлар амца ашҟа ааԥхьара рызҭоз ԥхьагылаҩцәаны иҟаҳҵеит. Урҭ,
акаамеҭ амш аҽынгьы ацхыраара ҳәа акгьы роуӡом.
42- Ари адунеи аҟынгьы ашәиԥхьыӡ рышьҭаҳҵеит, акаамеҭ амш аҽынгьы
ҽыԥныҳәа змоу уааны иԥхьаӡахоит.
43- Ҳәарада, ҳара уаанӡатәи абиԥарақәа иқәӡаа ианаҳга ашьҭахь, уи ашәҟәы
иазхәыцны аҵатәхәы алырхааит ҳәа, ауааԥсыра рзы иаарту ршаҳаҭганы,
илашарбаганы, насгьы илԥханы Мыса иаҳҭеит.
44- Мыса адҵа аниаҳҭоз аамҭазы, уара мраҭашәаратәи аган аҟны уҟаӡамызт,
иҟаз, ианыз блала избазгьы уреиуамызт.
45- Уимоу, шәыбжьара иагьа абиԥарақәа мҩасит, урҭ рышьҭахь акыр
шықәсқәагьы цеит. Уара, сажәаԥҟарақәа дара рҟынтә уаԥхьаны ирҿуҵаарц
азы Медиан жәларгьы урыцнымхаӡеит. Аха ҳара, ацҳаражәҳәаҩцәа
назышьҭуа ҳауп.
46- Ааи, Мыса аниқәҿаҳҭуаз, уара Ҭур ашьха ааигәара уҟаӡамызт. Уара уаԥхьа
агәҽанҵаҩы дыззынамышьҭыз жәларык, ргәырҽануҵарц азы унцәа иҟынтә
илыԥханы убарҭқәа уара иуҵаҳҳәеит, агәыӷра ыҟоуп, иазхәыцны аҵатәхәгьы
алырхып ҳәа.
47- Ргәырԥса
амшала
цәгьарак
иақәшәар:
«Ҳанцәа!
Аԥааимбар
даҳзаауышьҭызҭгьы,
иажәаԥҟарақәа
ҳрықәныҟәаны
ҳаргьы
ҳазхаҵаҩцәаханы ҳҟамларыз!» рымҳәааит уажәшьҭа.
48- Амала, ҳганахьала уи аҵабырг (Аҟәырҟан) анрызнеи: «Уи Мыса иаҭәашьаз
(аџьашьахәқәа) зиаҭәашьами?» рҳәеит. Аха иара Мыса иҭәашьазгьы мап
ацәырымкӡази? «Иеиқәҿызҭуа ҩ-лаԥшхырԥагақәоуп!» ҳәаны, насгьы:
«Аиашазы, иарбанзалак акы азхаҳҵом» ҳәагьы иацрымҵази.
49- Убас ҳәа: «Аиаша шәҳәаҵәҟьозар, Аллаҳ иҟынтә, абарҭ ҩшәҟәык раасҭа
амҩа иаша узырбо даҽа шәҟәык сзаажәг, саргьы уи сақәныҟәап!»
50- Уара аҭак урмҭар, иудыруазааит, урҭ дара рҭахрақәа мацара
ирықәныҟәоит. Аллаҳ имҩақәҵаҩы дрымамкәа, рхатәы ҭахрақәа мацара
ирықәныҟәо
раасҭа
имҩахҟьаҩны
иҟада?
Ҳәарада,
Аллаҳ,
игәымбылџьбаҩцәоу жәларык амҩа иашахь икылигом.

51- Аиашаҵәҟьа убри ауп, иазхәыцны аҵатәхәы алырхааит ҳәа, ҳажәа
(ҳаҵаҳәара) инеишьҭаргыланы ирхьаҳагӡеит.
52- Уаанӡа ашәҟәы заҳҭақәаз, абри ажәагьы (Аҟәырҟан) азхарҵоит.
53- Урҭ Аҟәырҟан ианырзаԥхьалак: «Иазхаҳҵеит. Ари ҳәарада, ҳанцәа иҟынтә
иаҳзааз аҵабыргҵәҟьа ауп. Аиашазы ҳара уаанӡагьы ҳанцәа ҳимҵахырхәон»
рҳәоит.
54- Абар, рычҳара амшала урҭ аҳамҭа ҩынтәны ироуеит. Урҭ, ацәгьара
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 21
  • Части
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 01
    Общее количество слов 3445
    Общее количество уникальных слов составляет 1826
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 02
    Общее количество слов 3446
    Общее количество уникальных слов составляет 1788
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 03
    Общее количество слов 3521
    Общее количество уникальных слов составляет 1793
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 04
    Общее количество слов 3395
    Общее количество уникальных слов составляет 1815
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 05
    Общее количество слов 3366
    Общее количество уникальных слов составляет 1796
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 06
    Общее количество слов 3438
    Общее количество уникальных слов составляет 1696
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 07
    Общее количество слов 3457
    Общее количество уникальных слов составляет 1701
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 08
    Общее количество слов 3383
    Общее количество уникальных слов составляет 1714
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 09
    Общее количество слов 3401
    Общее количество уникальных слов составляет 1813
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 10
    Общее количество слов 3332
    Общее количество уникальных слов составляет 1638
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 11
    Общее количество слов 3382
    Общее количество уникальных слов составляет 1766
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 12
    Общее количество слов 3489
    Общее количество уникальных слов составляет 1750
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 13
    Общее количество слов 3521
    Общее количество уникальных слов составляет 1844
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 14
    Общее количество слов 3464
    Общее количество уникальных слов составляет 1725
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 15
    Общее количество слов 3433
    Общее количество уникальных слов составляет 1778
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 16
    Общее количество слов 3540
    Общее количество уникальных слов составляет 1858
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 17
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 1861
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 18
    Общее количество слов 3453
    Общее количество уникальных слов составляет 1714
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 19
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 1743
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 20
    Общее количество слов 3491
    Общее количество уникальных слов составляет 1710
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 21
    Общее количество слов 3456
    Общее количество уникальных слов составляет 1616
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 22
    Общее количество слов 3450
    Общее количество уникальных слов составляет 1744
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 23
    Общее количество слов 3475
    Общее количество уникальных слов составляет 1751
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 24
    Общее количество слов 3490
    Общее количество уникальных слов составляет 1693
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 25
    Общее количество слов 3437
    Общее количество уникальных слов составляет 1707
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 26
    Общее количество слов 3408
    Общее количество уникальных слов составляет 1731
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 27
    Общее количество слов 3446
    Общее количество уникальных слов составляет 1766
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 28
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 1652
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 29
    Общее количество слов 3391
    Общее количество уникальных слов составляет 1715
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 30
    Общее количество слов 3549
    Общее количество уникальных слов составляет 1790
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 31
    Общее количество слов 3352
    Общее количество уникальных слов составляет 1726
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 32
    Общее количество слов 531
    Общее количество уникальных слов составляет 374