Latin

Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 22

Общее количество слов 3450
Общее количество уникальных слов составляет 1744
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
адгьыл аҵа иҟазаргьы, Аллаҳ уаԥхьа иузцәыригоит. Ҳәарада, Аллаҳ, зегьы
рымаӡақәа збо, издыруа иоуп. Уи зегьы рыӡбахә идыруеит».
17- «Сыҷкәын, угәыҳалалра уахӡыӡаа, ауаа абзиара рыдҵа, рыцәгьара уаҿагыл,
узықәшәаз чҳа. Абарҭқәа зегьы, азҿлымҳахара иаԥсоу аусқәа роуп».
18- «Уҽхарззаланы ауааԥсыра уаҭәаумшьоушәа ухы мҩаԥумган, ауаа рыбжьара
уҽырԥагьаны умныҟәан, иухаумыршҭын, Аллаҳ зыҽхарззаланы зхы иахԥагьо
бзиа ибаӡом».
19- «Адгьылтәыла аҟны ухы раӡаны уҟаз, убжьы мыцхәы иумырдуун, избанзар
абжьқәа зегьы иреицәоу аҽада ахәаабжь ауп» иҳәеит.
20- Аллаҳ, ажәҩанқәеи адгьыли рыҟны иҟоу зегьы шәмаҵура ишазикыз,
иразҟқәагьы маӡалеи аргамеи, меигӡарахда ишшәаҭәеишьаз шәымбаӡои?
Убри аҩыза ауааԥсыра ыҟоуп, дыррак, ԥхьагылаҩык, мамзаргьы илашарбагоу
шәҟәык рымамкәа, аха Аллаҳ изкны ажәа аимакра рҽазыршәоит.

21- Урҭ, «Аллаҳ илбааигаз шәықәныҟәа» ҳәа анрарҳәа: «Мап, ҳарҭ ҳабдуцәа
рҟынтә иаҳбахьаз ҳақәныҟәоит» рҳәеит. Аха аҩсҭаа, урҭ амцабз зхылҵуа
амца ашҟа дрыԥхьозар?!..
22- Дарбанзаалак ихы абзиара иазкны, ихы-иԥсы Аллаҳ инапы ианиҵар, амаа
ӷәӷәа икит ҳәа дыԥхьаӡоуп. Аусқәа зегьы рҵыхәтәа Аллаҳ иахь ауп
иахькылсуа.
23- Дарбанзаалакгьы мап икыр, уи имапкра уара улахь еиқәнамҵааит, избанзар
урҭ зегьы аҵыхәтәаны иахьнанагаша ҳара ҳашҟа ауп, ируз, иҟарҵаз
рҵыхәтәа убасҟан идҳардыруеит. Аллаҳ, агәқәа (рыҩныҵҟа) ирҭоу
ибзиаӡаны идыруеит.
24- Урҭ, аамҭа кьаҿк азы адунеитә ԥсҭазаара абзиарақәа ргьама дырбаны, нас
агәаҟра дуӡӡа инҭаҳаргылоит.
25- Урҭ: «Ажәҩанқәеи адгьыли зшада?» ҳәа уразҵаар, хымԥада, «Аллаҳ» ҳәа
уарҳәоит. Убас ҳәа: «Арҽхәаԥхьыӡқәа зегьы Аллаҳ изкуп», аха урҭ
реиҳараҩык уи рыздыруам.
26- Ажәҩанқәеи адгьыли рыҟны иҟоу зегьы Аллаҳ мацара итәуп, ҳәарада, акы
иазрыцҳам, акгьы згым, арҽхәаԥхьыӡқәагьы зегьы ирыԥсоу Аллаҳ мацара
иоуп.
27- Адгьылтәыла аҟны иҟоу аҵлақәа зегьы иҩыгандаз, амшынгьы, шьҭахьла
иааиуа бжьымшынкгьы инацҵаны, ишәыгандаз, Аллаҳ иажәақәа ранҵаразы
иазхарымызт. Ҳәарада, Уи дыӷәӷәаӡоуп, дҟәыӷаӡоуп, зегь зыӡбо иоуп.
28- Шәарҭ зегьы шәшарагьы, нас еиҭах шәыԥсны аԥсы шәхаҵарагьы, аӡәы
заӡәык ишареи, даҽазнык аԥсы ихаҵареи иаҩызоуп. Аллаҳ зегьы иаҳауеит,
зегьы ибауеит.
29- Аллаҳ, аҵх иахыхны амш ишациҵо, амш иахыхны аҵхгьы ишациҵо,
рыцыԥхьаӡа ҽҳәарак ала иныҟәаларц амреи амзеи идҵа ишацныҟәо, насгьы
ижәуа, иҟашәҵо зегьы рыӡбахә шидыруа узымдырӡои?
30- Избанзар, аҵабырг ахаҭаԥсаҭа Аллаҳ иоуп. Уи ида изымҵахырхәо зегьы
башоуп, Аллаҳ идуӡӡоу, иҳаракӡоу иоуп.
31- Иҟазаара аршаҳаҭгақәа рыхәҭак шәирбарц азы, амшын аҟны аӷбақәа Аллаҳ
иаҭәашьарала иӡсаны ишцо убарҭаӡами? Абри аҟны ачҳара аазырԥшуеи
ирацәаны иҭабуп зҳәауеи рзы иаарту аҵатәхәқәа ыҟоуп.
32- Ацәқәырԥақәа, агага еиқәаҵәақәа реиԥш урҭ ианрыкәшалак, адин Аллаҳ
идкыланы иҳәоит. Аллаҳ урҭ еибганы адгьыл ианықәиргылалакгьы,
рыбжьарахьтә хәҭак зегьы аархашҭуеит. Ачарҳәара иагәылахаз, абзиара
ззеилымкаауа ауааԥсыра рыда даҽаӡәы ҳажәаԥҟарақәа мап рцәикуам.
33- Уа ауааԥсыра! Шәынцәа ихамыҵгылара шәҽацәышәыхьча, дарбанзаалак абык
ихшара рҟынтә хәарҭак анимоуша, ахшарагьы иаб иҟынтә хәарҭак

анимоуша амш шәацәшәа. Аллаҳ ишәиҭаз ажәа ҵабыргуп. Адунеитә
ԥсҭазаара шәамжьааит, уи шәымҩахызҟьогьы (аҩсҭаа) Аллаҳ ианажьра
шәақәыргәыӷны шәимжьааит.
34- Акаамеҭ аамҭа иазку адырра Аллаҳ иҟны мацароуп иахьыҟоу. Уи, ақәа
аируеит, амгәарҭа иҭоугьы дидыруеит. Дарбанзаалак, уаҵәы ирҳараны иҟоу
издыруам, дарбанзаалакгьы дахьыԥсыша издыруам, аха Аллаҳ зегьы
идыруеит, уи зегьы рыӡбахә ала адырра имоуп.

32 . Сеџьде

(Ахырхәараз асаара аҽкажьра)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
12-

Елиф. Лам. Мим.
Ари ашәҟәы, адгьылтәылақәа рынцәахәы инапала ишылбаагоу ала гәыҩбара
ыҟам.
3- Абас ишыҟоугьы: «Уи аԥааимбар ихы иҭиҳәааит» рҳәоит, ус аума? Мап! Уи,
уара уаԥхьа гәҽанҵаҩык дыззымнеиз жәларык, амҩа иаша рыԥшаарц азы,
ргәырҽануҵарц унцәа иҟынтә инашьҭу, ииашоу шәҟәуп.
4- Ажәҩанқәеи адгьыли, урҭ рыбжьара иҟоу зегьы фымш (ф-аамҭак) рыла
изшаз, уи ашьҭахьгьы имчра ажәҩан аҳаракыраӡа иахызҵаз Аллаҳ иоуп. Уи
ида шәара, ауагьы ахашшаҩгьы дшәымаӡам. Абыржәгьы шәазхәыцны
аҵатәхәы алшәымхӡои?
5- Уи, ажәҩан аҟынтә адгьыл аҟынӡа зегьы напхгара риҭоит. Насгьы аусқәа
зегьы шәара шәаҳасаб ала зқьы шықәса ҳәа ззышәҳәо мышкала Уи ишҟа
ихалоит.
6- Иара, иубарҭоугьы, иубарҭамгьы идыруеит, имч-илшара иҳәаадоуп,
ирыцҳашьареи илԥхеи меигӡарахдоуп.
7- Уи, иишаз зегьы ибзиаӡаны иаԥҵаны, раԥхьаӡагьы ауаҩԥсы анышә далихит.
8- Нас, уи ихылҵшьҭра, амч змам ӡык агәаӷь аҟынтә еизирҳаит.
9- Иишаз, иԥшра-исахьала нагӡаны, иԥсы аҟынтә диҭәҳәеит. Шәарҭ
алымҳақәеи, аблақәеи, агәқәеи рыла шәхаирҭәааит. Шаҟа имаҷны иҭабуп
шәҳәозеи!
10- Мапкыҩцәа абас рҳәоит: «Анышә ҳалаӡыҭны ҳанцалак ашьҭахь, еиҭах
ҳаԥсы ҳхалоума?» ҳәа. Аиашазы, урҭ рынцәа иҿаԥхьа инеираны ишыҟоу мап
ацәыркуеит.

11- Убас ҳәа: «Шәара ишәызкны адҵа змоу аԥсцәаҳа шәыԥсы шәхихуеит, нас
шәаргьы шәынцәа ишҟа шәгьыжьуеит».
12- Урҭ агәырԥсауаа, рынцәа иҿаԥхьа рыхқәа ларҟәны: «Ҳанцәа! Иаҳбеит,
иҳаҳаит, ҳарҭ шьҭахьҟа ҳдәықәҵа, угәы иахәаша аусқәа ҟаҳҵап, уажәшьҭа
зынӡа уазхаҳҵеит» ҳәа шырҳәо убандаз!
13- Иаҳҭаххандаз, ауаа зегьы амҩа иаша ианыларатәы иҟаҳҵон. Аха: «Џьаҳаным
аџьынцәеи ауааԥсыреи рыхәҭак ала исырҭәуеит!» ҳәа ажәа, хымԥада, сара
сажәоуп.
14- «Абри амш шәақәшәараны шәшыҟаз ахьышәхашҭыз азы, уажәы ахьырхәра
агьама жәба! Абыржәгьы, ҳара шәарҭ шәаҳхашҭит, уажәшьҭа иҟашәҵақәаз
рхаҭыԥаны наунагӡатәи агәаҟра агьама жәба!»
15- Ҳажәаԥҟарақәа иҵабыргыҵәҟьаны иазхазҵаз ауаа ракәзар, арҭ ауаа
уанрылабжьалак адура рҽазырымкыкәа ихырхәаны асаара рыҽкарыжьуеит,
рынцәа иҭабуп ҳәа иаҳәаны, ирҽхәаԥхьыӡ еиҭарҳәоит.
16- Ашәареи агәыӷреи рыла, рынцәа имҵахырхәареи иҳәареи ишаҿу аиарҭа
рбаӡом, дара ираҭәаҳшьаз аразҟы аҟынтәгьы Аллаҳ имҩазы инырхуеит.
17- Иҟарҵақәаз рцымхәра, урҭ рзы закәытә гәырӷьарақәоу иҵәахны иҟоу аӡәгьы
издыруам.
18- Иазхаҵаҩу ауаҩы, агәырԥса иалаҳаз диеиԥшума? Арҭ хымԥада иеиҟараӡам.
19- Иазхаҵаҩцәаханы адунеии нарцәи рзы ихәарҭоу аусқәа ҟазҵаз рзы,
иҟарҵақәаз рцымхәра, имазеины урҭ ирзыԥшу – ҭынч изҭынхаша
аџьанаҭқәа ыҟоуп.
20- Агәырԥса иалаҳаны иҟоу ауаа ракәзар, урҭ ахьнанагаша – амца ауп. Уаантәи
аҭыҵра рҭаххацыԥхьаӡа, шьҭахьҟа идырхынҳәуеит, насгьы абас
раҳәахоит: «Имцуп ҳәа ишәыԥхьаӡоз џьаҳаным агәаҟра агьама жәбала!» ҳәа.
21- Идуӡӡоу агәаҟра аԥхьа, урҭ, хымԥада, иааигәоу агәаҟра агьама дҳарбоит.
Иҟалап (азхаҵарахь) ихынҳәыргьы.
22- Анцәа иажәаԥҟарақәа анигәаладыршәалак, уи иазхьамԥшыз иаасҭа
игәымбылџьбаҩны иҟаларыда? Ҳара, агәырԥсауаа ирыхәҭоу ахьырхәра
хымԥада иақәҳаршәоит.
23- Иҵабыргыҵәҟьаны, ҳара Мыса ашәҟәы иаҳҭахьан, уара уи ушақәшәашала
агәҩара умоуааит, ҳара уи ашәҟәы Исраил иԥацәа лашарбагас
ирзыҟаҳҵахьан.
24- Ичҳаны, ҳажәаԥҟарақәа хьаҳәа-ԥаҳәада ианазхарҵа, урҭ рыбжьара, ҳадҵа
инақәыршәаны амҩа иаша дзырбоз аԥхьагылаҩцәа рылаҳхит.
25- Ҳәарада, унцәа урҭ еимактәыс ирымоу аусқәа ирызкны акаамеҭ амш аҽны
иӡбара ааирԥшраны дыҟоуп.

26- Абыржәгьы изқәынхо ртәылақәа рҿы иагьа абиԥарақәа иқәӡаа
иахьықәаҳҵахьоугьы урҭ амҩа иашахь икылнамгаӡеи? Абри аҟны ҳәарада,
аҵатәхәқәа ыҟоуп. Абыржәгьы иазымӡырҩыӡои?
27- Ирымбаӡои, ҳара аарҩара ахьыҟоу аӡы наганы, уи ала арахәқәагьы, дара
рхаҭақәагьы ирфаша аҽаҩра ишыҳааӡо. Абыржәгьы аҵатәхәы злалырхшала
иамыхәаԥшӡои?
28- «Ишәҳәаз ииашаҵәҟьазар, ианбанаӡои?» ҳәа иҵаауеит.
29- Убас раҳәа: «Ҳара ҳажәа анынаӡахо аҽны, мап зкыз разхаҵара џьарамзар
џьара ирыхәарҭахаӡом, урҭ аҽҳәарагьы рыҭахаӡом.
30- Уажәшьҭа уара урҭ хьаас ишьҭумхкәа уааԥшы. Дара рхаҭақәа усгьы иԥшуп.

33. Аҳзап
(Аӷа ирхәҭақәа)

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1-

234-

5-

6-

Уа аԥааимбар! Аллаҳ иҳәатәхамҵара уҽацәыхьча, мапкыҩцәа ражәа
уазымӡырҩын. Ҳәарада, Аллаҳ зегьы идыруеит, насгьы зегьы ҟәыӷарала
напхгара риҭоит.
Унцәа иҟынтә иуҵаҳәо уықәныҟәа. Аллаҳ иҟашәҵо зегьы здыруа иоуп.
Аллаҳ уиқәгәыӷ, хьчаҩысгьы дгылаҩысгьы Аллаҳ дузхоит.
Аллаҳ, уаҩԥсык ицәеижь аҿы ҩ-гәык иҭаны дшимшаз еиԥш, шәҳәсақәагьы
шәанацәа ракәны иҟаимҵаӡет, ԥас иҟашәҵақәазгьы шәԥацәа гәакьақәаны
имыԥхьаӡеит. Абарҭқәа, шәара шәгәаанагарақәа роуп. Аллаҳ иакәзар,
аиашеи аҵабырги шәеиҳәоит, амҩа иашагьы Уи ишәирбоит.
Ԥас ишәыдышәкылақәаз, рабацәа рыхьыӡқәа рыла рықәҿышәҭла. Ари, Аллаҳ
иҿаԥхьа аиашара еиҳа иазааигәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аха урҭ рабацәа зусҭцәоу
шәзымдыруазар, усҟангьы шәдин аганахьала шәашьцәа роуп, шәыуацәа роуп.
Шәҩашьар, уи аҟны агәырԥса шәықәӡам, амала идырны иҟашәҵо азы
аҭакԥхықәра шәыдуп. Аллаҳ, кырӡа ишәаназыжьуа, кырӡагьы ишәзылыԥхауа
иоуп.
Аԥааимбар,
азхаҵаҩцәа
дара
рыԥсқәа
раасҭа
дырзааигәоуп,
иԥшәмаҳәсақәагьы урҭ ранацәа роуп. Еигәакьацәоу ракәзар, Аллаҳ ишәҟәы
аганахьала (аԥсҭынхара иазкны), агьырҭ азхаҵаҩцәеи амҳаџьырцәеи
раасҭа, дара-дара еиҳа еизааигәоуп, аха шәыуацәа ираҭәашәшьо абзиара
акәзар, уи ихазуп. Арҭқәа, иӡбаны ашәҟәы иануп.

7-

Ҳара, аԥааимбарцәа зегьы рҟынтә; уара уҟынтә, Ныҳә иҟынтә, Ибраҳим
иҟынтә, Мыса иҟынтә, Мариам лԥа Иаса иҟынтә ҿыӷәӷәала ажәа ҳаухьан.
8- Аллаҳ, абри ажәа, ииашоу риашарала аҭакԥхықәра рыдиҵарц азы ирымихит.
Уи, мапкра мҩас иалызхыз рзы, ихьаагоу гәаҟрак ирмазеихьеит.
9- Уа азхаҵаҩцәа! Аллаҳ иаҭәашьара шәгәалашәыршәа. Шәарҭ аӷа ируаа
аншәыжәла, ҳаргьы урҭ аԥшатлакә ӷәӷәеи, ишәызгәамҭоз аруааи
рыжәаҳҵахьан. Аллаҳ, иҟашәҵоз зегьы ибарҭан.
10- Ҩадантәгьы ладантәгьы ианшәыжәла, ашәарҭара амшала шәыблақәа
наҟааҟ икьаҳәханы, шәгәықәа шәҟырҟаҿы иааихьан, уи аамҭазы Аллаҳ изкны
агәҩарақәагьы шәызцәырҵхьан.
11- Иара убри аамҭазы азхаҵаҩцәа аԥышәара дуӡӡа рхыргеит, кырӡагьы ааха
роуит.
12- Иара убри аамҭазы, агьангьашцәеи агәы хәаԥсақәеи: «Аллаҳи иԥааимбари
ражәақәа ҳара ҳжьара мацара иазкызаарын!» рҳәон.
13- Урҭ рыбжьара гәыԥҩык: «Уа Иасрибаа! (Мединатәиқәа) Шәара шәус, абраҟа
агылара акәӡам, иаразнак шәхынҳәы!» рҳәон. Рыбжьара гәыԥҩыкгьы:
«Ҳаҩнқәа хьчаӡам!» ҳәа аԥааимбар иҟынтә азин рҭаххон, аха урҭ ирҭахыз
абналара ада уаҳа даҽакы акәӡамызт.
14- Медине ган рацәала жәыларак иақәшәаны иеибашьырц ирыдҵандаз, усҟан
рыҩнқәа рыҿгьы иаанымгылакәа, иаразнак уахь иҩраны иҟан.
15- Аха урҭ, шьҭахьҟа ишымхынҳәуала Аллаҳ ажәа ирҭахьан, Аллаҳ ирҭаз
ажәагьы анагӡара аҭахын.
16- Убас раҳәа: «Аԥсреи аҭахареи шәацәыбналозар, уи шәара џьаргьы
ишәыхәарҭахаӡом.
(Шәаџьал
мааицзар)
Усҟангьы
шәыбналаны
ахеиқәырхаразы аамҭа кьаҿк шәоуеит».
17- Абасгьы раҳәа: «Аллаҳ шәара шәзы цәгьарак иҭаххар, Уи иҿаԥхьа шәара
шәыхьчара зылшарыда? Мамзаргьы, шәара дышәзылԥхарц иҭаххар, дарбану
уи алызмыршаша?» Аллаҳ урҭ илаԥш рхихзар, Уи ида хылаԥшҩык, мамзаргьы
цхырааҩык дырзыԥшааӡом.
18- Аллаҳ идыруеит, шәыбжьара аибашьра шәацәхьазкырц азы рмаҵуцәеи
рашьцәеи: «Шәхы ашәарҭара иҭашәмыргыларц азы ҳара ҳашҟа шәааи!» ҳәа
разхәогьы. Урҭ рыбжьара даара имаҷны ауаа аибашьра рҽаладырхәуеит.
19- Ишәзааиргьы, урҭ даараӡа рҽырқьынцыцны, ирҭахымкәа иааиуеит.
Ашәарҭара аныҟоугьы рыԥсы маҷхазшәа, рыблақәа ааҳәызшәа убап.
Ашәарҭа анырхыԥсаалак ашьҭахьгьы, абзиара рнымаалакәа, рыбзқәа
ҭырхуеит. Арҭ ауаа ииашаҵәҟьаны иазхаҵаҩцәаӡам, Аллаҳгьы урҭ иҟарҵо
башаны иԥхьаӡоит. Абри, Аллаҳ изы даараӡа имариоуп.

20- Аӷа ируаа макьанагьы имцац џьыршьоит. Аӷа ҽазнык дааиргьы, асакараҿы
инхо Абедуинцәа рааигәара инханы, шәара ишәызку ажәабжьқәа харантә
ираҳаларц рҭаххоит. Шәыбжьара иҟазҭгьы, зегьдарароуп аибашьра имаҷны
рҽаладырхәлон.
21- Аллаҳи, нарцәытәи амши ахьӡара иақәгәыӷуеи, Аллаҳ кырӡа дызгәалазыршәо
рзы, Аԥааимбар ҳәарада дҿырԥшыга бзиаӡаны дыҟоуп.
22- Азхаҵаҩцәа ракәзар, аӷа ируаа рҿаԥхьа ианырба: «Ари, Аллаҳи иԥааимбари
ажәаны иҳарҭаз ҭагылазаашьоуп, Аллаҳи иԥааимбари еснагь аиаша
рҳәоит» рҳәеит. Абри, урҭ разхаҵареи Аллаҳ рыҽидҳәалареи
иеизнарҳауеит.
23- Азхаҵаҩцәа рыхәҭак, Аллаҳ ирҭаз ражәа нарыгӡеит, ԥыҭҩыкгьы уи имҩа
рыԥсы ақәырҵеит, иаанхаз ракәзар, раамҭа иазыԥшуп, ражәеи
рхымҩаԥгашьеи зынӡа ирмыԥсахӡеит.
24- Ҳәарада, Аллаҳ, зажәа назыгӡаз ауаа, рҳәатәхаҵара амшала ирџьишьоит.
Агьангьашцәа ракәзар, иҭаххар иахьирхәып, иҭаххаргьы иранаижьып!
Аллаҳ, кырӡа данажьҩуп, кырӡагьы ишәзылԥхауа иоуп.
25- Аллаҳ, мапкыҩцәа, акгьы рмоуӡакәа, ргәаӷи ргәыԥжәареи рыла шьҭахьҟа
ирхынҳәит. Азхаҵаҩцәа аибашьраҿы Аллаҳ дрызхеит. Аллаҳ дыӷәӷәоуп,
зегьы дреиҳауп.
26- Аллаҳ ашәҟәыуаа рыҟынтә, урҭ (азхамҵаҩцәа) адгылара рызҭозгьы
рбаашқәа ирҭыганы, рыгәқәа ашәарҭара ҭеиҵеит, уажәшьҭа урҭ рыхәҭак
ҭашәырхоит, рыхәҭакгы шәытҟәоит.
27- Урҭ рыдгьылқәеи, рыҩнқәеи, рмазареи, уаанӡа шәшьапы зықәшәмыргылахьаз
адгьылқәеи шәара ишәзынижьит. Аллаҳ зегьы имч рықәхоит.
28- Уа аԥааимбар! Ухатәҩызцәа абас раҳәа: «Адунеитә ԥсҭазаареи аԥшӡарақәеи
шәҭахызар, шәааи, аилыҵразы шәыхәҭаа шәысҭап, ԥшӡала шәхы
шәақәиҭыстәып.
29- Аха Аллаҳи, иԥааимбари, нарцәи алышәхуазар, ижәдыруазааит, шәыбжьара
абзиара алзхыз рзы, Аллаҳ аҳамҭа дуӡӡа ирмазеихьеит.
30- Уа аԥааимбар иҳәса! Шәыбжьара аӡәы, иаартыҵәҟьаны ԥхамшьарак
ламхаҟаҵар, уи лахьырхәра ҩынтә иеиҳахоит, уи Аллаҳ изы имариаӡоу усуп.
31- Шәыбжьара, Аллаҳи иԥааимбари рҳәатәы хаҵаны аус бзиақәа назыгӡазгьы,
илыхәҭоу аасҭа ҩынтә иеиҳаны илаҭәаҳшьоит, уи адагьы лара лзы
меигӡарахда анасыԥ ҳармазеиуеит.
32- Уа аԥааимбар иҳәса! Шәхы ацәгьара иацәышәыхьча, шәарҭ баша
шәуаҩԥсқәаӡам. Уи амшала, атәым хацәа рҿаԥхьа шәанцәажәо, шәажәа урҭ
хнахратәы, ирҟәымшәышәны ишәымҳәан, згәы хәаԥсоу агәыӷра изцәырҵыр
ҟалоит. Шәарҭ излашәыхәҭоу ала ажәа ԥшӡа шәҳәала.

33- Шәыҩнқәа рҿы шәтәа, уаанӡа амдырра шәанҭагылаз аамҭа еиԥш,
шәҽыхтны шәҽоушәмыжьын, шәнамаз иԥшӡаӡа ишәкы, шәзеқьаҭ шәҭии,
Аллаҳи иԥаамбари рҳәатәы хашәҵа. Уа аԥааимбар иҭаацәа! Аллаҳ шәара
шәҟынтә ииҭаху: шәарҭ шәыҟьашьра шәԥырганы, шәыцқьашәқьа
шәыҟалара ауп.
34- Шәыҩнаҭақәа рҿы изыԥхьо Аллаҳ иажәаԥҟарақәеи, урҭ рҟәыӷареи
шәгәалашәыршәала. Аллаҳ иҵаулаӡоу амаӡақәа идыруеит, уи зегьы рыӡбахә
иаҳауеит.
35- Аԥсылман хацәеи, аԥсылман ҳәсеи, иазхаҵаҩцәоу ахацәеи, иазхаҵаҩцәоу
аҳәсеи, иҳәатәхаҵаҩу ахацәеи, иҳәатәхаҵаҩу аҳәсеи, зажәа ииашаҵәҟьоу
ахацәеи, зажәа ииашаҵәҟьоу аҳәсеи, ачҳара злоу ахацәеи, ачҳара злоу аҳәсеи,
згәы амҵахырхәара иазҭаз ахацәеи, згәы амҵахырхәара иазҭаз аҳәсеи,
Аллаҳ изы ацхыраара ҟазҵо ахацәеи, Аллаҳ изы ацхыраара ҟазҵо аҳәсеи,
ачгара назыгӡо ахацәеи, ачгара назыгӡо аҳәсеи, зыламыс зыхьчо ахацәеи,
зыламыс зыхьчо аҳәсеи, Аллаҳ кырӡа дызгәалазыршәо ахацәеи, Аллаҳ кырӡа
дызгәалазыршәо аҳәсеи – абарҭ рзы Аллаҳ идуӡӡоу ҳамҭак ирмазеихьеит.
36- Аллаҳи иԥааимбари зҵаарак ӡбаны, дҵак аныҟарҵалак, иазхаҵаҩу ахаҵеи,
иазхаҵаҩу аԥҳәыси, уи нахыс даҽа мҩак алхра азин рымам. Аллаҳи
иԥааимбари рыдҵа назмыгӡаз, иаартыҵәҟьаны амҩа иаша иацәхьаҵыз роуп.
37- Аамҭак азы, Аллаҳ иаҭәашьарала дыззылыԥхаз, уаргьы ҳаҭырла узызныҟәоз
ауаҩы: «Уԥшәмаԥҳәыс лыла уҩнра хьча, Аллаҳ уицәшәа!» ҳәа иауҳәахьан. Ари
аныуҳәоз, Аллаҳ наҟ-наҟ иааиртыша акы угәы иҭауҵәахуан. Узыцәшәаша
Аллаҳ шиакәызгьы, уара ауаа ирҳәаша уацәшәон. Зеид иԥҳәыс данлылҵ
ашьҭахь, ҳара уи хатәҩызас уара дуаҳҭеит. Абриалагьы, азхаҵаҩцәа ԥас
иҟарҵаз, рыҳәса ианрылҵлак, урҭ дара хатәҩызас раагара ԥырхага шамам
реилҳаркааит. Аллаҳ идҵа хымԥада инагӡахоит».
38- Аллаҳ, иара изы ииӡбаз, мамзаргьы дҵас иҟаиҵаз акы анагӡаразы, аԥааимбар
изы уадаҩреи ԥырхагеи ыҟаӡам. Аллаҳ ииӡбаз иузымԥсахуа лахьынҵоуп.
39- Урҭ аԥааимбарцәа, Аллаҳ иажәаԥҟарақәа ажәлар ирызназгоз, уи ицәшәоз,
Аллаҳ идагьы аӡәгьы ицәымшәоз роуп. Аҳасабеилыргаразы, Аллаҳ зегьы
дрызхоит.
40- Муҳаммед, шәара шәыбжьара дарбанзаалак хаҵак иаб иакәӡам. Амала уи,
Аллаҳ ицҳаражәҳәаҩ иоуп, аԥааимбарцәагьы рҵыхәтәантәи иоуп. Аллаҳ
зегьы ибзиаӡаны идыруеит.
41- Уа азхаҵаҩцәа! Аллаҳ кырӡа дышәгәалашәыршәа.
42- Шьыжьи хәылбыҽхеи уи деиҭашәҳәала.

43- Шәара алашьцарақәа рҟынтә алашарахь шәкылигарц азы, илыԥха ала
ишәаҭәеишьоит, ишацәагьы шәарҭ ишәықәныҳәоит. Уи, азхаҵаҩцәа рзы
кырӡа дҟәымшәышәуп.
44- Иара иҿаԥхьа ианнеиуа амш, урҭ абзиара гәырӷьаҽҳәашас ирыҭаны,
ажәаԥхақәа реиҳәоит. Аллаҳ, урҭ рзы крызҵазкуа аҳамҭа ирмазеихьеит.
45- Уа аԥааимбар! Ҳарҭ уара иҵабыргыҵәҟьаны шаҳаҭс, гәырӷьаҽҳәашаҩыс,
насгьы гәҽанҵаҩыс унаҳашьҭит.
46- Аллаҳ игәыԥхарала ауааԥсыра рымҩа зырлашо лашарбагас унаҳашьҭит.
47- Аллаҳ иаҭәашьара дуӡӡа шырԥеиԥшу, азхаҵаҩцәа гәырӷьаҽҳәашас ирыҭ!
48- Мапкыҩцәеи агьангьашцәеи урзымӡырҩын, урҭ уара уахьдыргәаҟуа хьаас
ишьҭумхын. Аллаҳ уимҵагыланы уиқәгәыӷ, ақәгәыӷразы Аллаҳ дузхоит.
49- Уа азхаҵаҩцәа! Иазхаҵаҩцәоу аҳәса аиқәшаҳаҭра рыцҟаҵаны, насгьы
шәеинымиаӡакәа шәрылҵыр, урҭ ирзку аҽҳәара аҵыхәтәанӡа ишәырԥшырц
азин шәымаӡам. Ус анакәаха, ирхәҭоу рыҭаны, ргәы ҟаҵаны, ԥшӡала шәрылҵ.
50- Уа аԥааимбар! Зычмақәа ушәахьоу уҳәсеи, Аллаҳ аибашьра аҟны итҟәаны
иуаҭәеишьаз ауадалықьцәеи, уара уеиԥш Мединеҟа мҳаџьырра имҩахыҵыз;
уаб иашьцәа рҭыԥҳацәеи, уаб иаҳәшьцәа рҭыԥҳацәеи, уаншьцәа
рҭыԥҳацәеи, уан лаҳәшьцәа рҭыԥҳаәеи, ачма зҭахымкәа хатгәаԥхарала
аԥааимбар иццарц зҭаху аҳәсақәеи (ари аҵыхәтәантәи уара мацара иузкуп)
рыла аҩнрахара, уара узы мацара иҳалалны иҳаԥхьаӡеит. Азхаҵаҩцәа
ракәзар, рыҳәсеи рнапаҵаҟа иҟоу руадалиқьцәеи ирзкны рыдҵақәа
шәҳардырхьеит. Ари аӡбара, уара уадаҩрак уақәымшәарц азоуп. Аллаҳ кырӡа
данажьҩуп, хаҭала ирыцҳашьарагьы меигӡарахдоуп.
51- Урҭ рыбжьара, иуҭаху шьҭахьҟа дааныжьны, иуҭаху уааигәара дааугап.
Узлыҵызгьы даҽазнык раагара азин умоуп. Абри аҩыза аӡбара, урҭ ргәы
ҟаларц, имхьаарц, насгьы уара ируҭаша иақәшаҳаҭхарц азы иреиӷьу ауп.
Аллаҳ шәгәы иҭашәкқәо идыруеит, Аллаҳ адырреи ачҳареи дрықәиҭуп.
52- Уажәшьҭарнахыс даҽа ҳәсақәак раагара, унапаҵаҟа иҟоу ауадалықьцәа рыда,
рыԥшӡара ухнахыргьы, аҳәса иумоу аушьҭны, рхаҭыԥаны даҽа ҳәсақәак
раагара уақәиҭӡам. Аллаҳ зегьы ишахәҭоу ала хылаԥшра риҭоит.
53- Уа азхаҵаҩцәа! Аԥааимбар иҩнаҭа, акрыфаразы азин аншәыҭам зынӡа
шәыҩнамлан, ааԥхьара аншәоулакгьы афатә дырхиаанӡа заанаҵы
шәымнеикәа, ианаамҭоу шәнеи. Кранышәфалак ашьҭахьгьы иаразнак
шәеимпы, баша ажәа шәҽаҭаны шәаанымхан. Абарҭқәа шәԥааимбар
даруадаҩуеит, аха игәаӷьны изыҳәом, Аллаҳ аиаша аҳәара дацәшәом.
Аԥааимбар иҳәса рҟынтә акы анышәҭаххалак, урҭ аԥарда ашьҭахь ианыҟоу
ишәҭахха, ари, урҭ рыгәқәагьы, шәарҭ шәыгәқәагьы цқьаны иаанхарц азы
иреиӷьу ауп. Аллаҳ иԥааимбар ирхьаара аӡәгьы азин шәымаӡом, иара

ишьҭахьгьы уи иҳәсақәа рыла аҩнрахара науынагӡа аӡәгьы шәақәиҭӡам. Ари
аҽазкра Аллаҳ иҿаԥхьа игәырԥса дуӡӡоуп.
54- Шәарҭ акы ишәыраргамаргьы, ишәӡаргьы, Аллаҳ ҳәарада, зегьы идыруеит.
55- Урҭ (Аԥааимбар иҳәса), рабацәеи, рԥацәеи, рашьцәеи, рашьцәа рԥацәеи,
раҳәшьаԥацәеи, урҭ рыҳәсеи, рнапаҵаҟа иҟоу амаҵуцәеи рыла аԥарда
рыбжьамкәа рацәажәара иақәиҭуп. Аллаҳ иҳәатәхамҵара шәҽацәышәыхьча.
Ҳәарада, Аллаҳ зегьы рзы дшаҳаҭуп.
56- Аллаҳи ишацәеи аԥааимбар кырӡа иқәныҳәоит. Уа азхаҵаҩцәа! Шәаргьы уи
шәиқәныҳәаны, гәыкала абзиара умаз ҳәа иашәҳәа.
57- Аллаҳи иԥааимбари ргәы нзырхаз рзы, Аллаҳ, адунеии нарцәи рыҟны
ашәиԥхьыӡ иақәыршәаны, илазырҟәыша гәаҟрак ирмазеихьеит.
58- Иазхаҵаҩцәоу ахацәеи аҳәсеи, ирыхәҭамкәа ргәы нзырхақәазгьы, ахьӡ
ахҵареи иаартыҵәҟьоу агәырԥсеи рҟәаҟәа иқәлоит.
59- Уа аԥааимбар! Уҳәсеи, уԥҳацәеи, азхаҵаҩцәа рыҳәсеи ираҳәа, адәахьы
иандәылҵуа ирзымдырратәы рҽеиларҳәалааит. Урҭ идырны ргәы
ныдмырхарц азы иреиӷьу амҩа абри ауп. Аллаҳ кырӡа данажьҩуп, кырӡагьы
ишәзылԥхауа иоуп.
60- Агьангьашцәеи згәы хәаԥсақәоуи, ақалақь аҿы иҟам-ианым ала ажәабжь
цәгьақәа гәаразҵо ауаа, изҿу ианаҟәымҵ, дара урыжәаҳҵоит, уи ашьҭахьгьы
уара уааигәара аамҭа кьаҿк аҟара инхоит.
61- Урҭ рҩызцәа ауаа, Аллаҳ ирыцҳашьара иаҟәыгоуп, уи амшалагьы
иахьырԥыхьашәалак иаанкыланы хымԥадагьы иҭадырхоит.
62- Аллаҳ, уаанӡа имҩасыз ауаа рзы иаԥиҵаз аԥҟара абри ауп. Аллаҳ иԥҟара аҟны
зынӡа ԥсахрак уԥылаӡом.
63- Ауааԥсыра акаамеҭ аамҭа иазкны иуазҵаауеит: «Ари адырра Аллаҳ иҟны
мацара ауп иахьыҟоу» ҳәа раҳәа. Акаамеҭ аамҭа ааигәазаргьы уи уара
иабаудыруеи?
64- Аллаҳ, мапкыҩцәа дрықәшәины ибыжку мцак рзирхиахьеит.
65- Уаҟа, хьчаҩык, мамзаргьы цхырааҩык дрымамкәа наунагӡа иҭанхоит.
66- Рхаҿқәа амцахь иандырхалак аҽны: «Аллаҳ иҳәатәы хаҳҵазҭгьы, аԥааимбар
ҳаизыӡырҩызҭгьы уажәы иаҳхараз!» рҳәашт.
67- Насгьы инацырҵашт: «Ҳанцәа! Ҳарҭ ҳаԥхьагылаҩцәеи, ҳаиҳабацәеи
ҳарзыӡырҩит, ҳара урҭ ҳамҩахырҟьеит» ҳәа.
68- «Ҳанцәа! Урҭ ҩынтә иеиҳаны агәаҟра иақәыршәа, насгьы ӷәӷәала
урықәшәии!»
69- Уа азхаҵаҩцәа! Мыса игәы нзырхаз шәырҩызамхан. Аллаҳ, уи дыцқьашәқьа
дшыҟаз ааирыԥшит. Иҵабыргыҵәҟьаны уи, Аллаҳ иҿаԥхьа пату зқәыз иакәын.
70- Уа азхаҵаҩцәа! Аллаҳ иҳәатәхамҵара шәҽацәыхьчаны, ажәа иаша шәҳәала.

71- Абас алагьы, Аллаҳ шәусқәа риашаны шәгәырԥсақәа шәанаижьып.
Дарбанзаалак, Аллаҳ иԥааимбар иҳәатәы хаиҵар, иҵабыргыҵәҟьаны уи
ахашәалахә дуӡӡа ирҳауеит.
72- Ҳара абри анапынҵа, ажәҩанқәеи, адгьыли, ашьхақәеи ирыдаҳгалеит. Аха,
урҭ мап ацәыркит, иацәшәеит, ауаҩԥсы иакәзар, уи даҵалеит. Ҳәарада,
ауаҩԥсы кырӡа дгәымбылџьбаҩуп, кырӡагьы амдырра злоу иоуп.
73- Аллаҳ, игьангьашу ахацәеи аҳәсеи, иаварҟәылаҩцәоу ахацәеи аҳәсеи
ахьырхәны, иазхаҵаҩцәоу ахацәеи, аҳәсеи раҭамзаарақәа идикыларц азы
абас иҟаиҵеит. Аллаҳ даараӡа данажьҩуп, кырӡагьы шәрыцҳазшьауа иоуп.

34 . Себе
(Сабатәи ажәлар)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1-

23-

4-

56-

78-

Арҽхәаԥхьыӡқәа, ажәҩанқәеи адгьыли рыҟны иҟоу зегьы зтәу Аллаҳ изкуп,
нарцәгьы арҽхәаԥхьыӡқәа Иара мацара изкуп. Уи, аҟәыӷара иақәиҭу, насгьы
зегьы рыӡбахә здыруа иоуп.
Адгьыл иҵалогьы иҵыҵуагьы, ажәҩан аҟынтә илбаауагьы уахь ихалогьы зегьы
идыруеит. Уи дрыцҳашьаҩуп, данажьҩуп.
Мапкыҩцәа: «Ҳара акаамеҭ ҳзааиӡом» рҳәоит. Убас раҳәа: «Мап! Амаӡа
здыруа анцәа имаҿоуп, уи хымԥада ишәзааираны иҟоуп». Ажәҩанқәеи
адгьыли рыҟны, хәыцк иаҟароугьы, Уи изы имаӡаны изыҟалом. Зегь расҵкыс
ихәыҷу, мамзаргьы идуу, иаартыҵәҟьоу шәҟәык иҭаҩымкәа иҟам.
Аллаҳ иазхаҵаҩцәаханы адунеии нарцәи рзы ихәарҭоу аусқәа назыгӡаз
ирџьишьарц азы (иаартыҵәҟьоу шәҟәык аҟны иаирбеит). Убарҭ рзы, анажьра
дуӡӡеи иԥшӡоу аразҟи ыҟоуп.
Ҳажәаԥҟарақәа илҵшәадахарц азы зхы џьабаа азырбазгьы, иреицәаӡоу,
ихьаагоу гәаҟрак рзыҟоуп.
Адырра зыҭоу ауаа, унцәа иҟынтә уара иузылбаагоу (Аҟәырҟан), аҵабырг
ахаҭа-ԥсаҭа шакәу, уи иӷәӷәаӡоу, арҽхәаԥхьыӡқәагьы ирыԥсоу Аллаҳ имҩа
шышәнарбо ибзиаӡаны ирдыруеит.
Мапкыҩцәа абас рҳәеит: «Шәбааны шәеиԥхьытта шәаныҟала аамҭазы
еиҭах шәиираны шәшыҟоу зҳәо ауаҩы дышәҳарбарыма? –ҳәа.
Аллаҳ изкны мцык аԥшьигоу, мамзаргьы ихшыҩ цахьоу?» (Рҳәеит). Мап!
Нарцәы азхазымҵо агәаҟра иҭагылоуп, иҵаулаӡоу маҳагьарак иалагылоуп.

9-

Иаарыкәыршаны иҟоу ажәҩани адгьыли иахәаԥшны имхәыцӡои? Иаҳҭаххар,
урҭ адгьыл иҵарбганы, ажәҩан аҟынтәгьы аԥҽыхақәа рзылбааҳгоит.
Ҳәарада, абри аҟны Аллаҳ ишҟа зхы хоу ауаа рзы аҵатәхәы ыҟоуп.
10- Иҵабыргыҵәҟьаны, ҳара ҳганахьала Дауҭ ҷыдарак иаҭәаҳшьеит. «Уа
ашьхақәа! Уи ила Аллаҳ ирҽхәаԥхьыӡ еиҭашәҳәала. Уа аԥсаатә! Шәаргьы
убас!» ҳҳәеит, насгьы аиха иара изы иҳартатеит (иҳарҟәымшәышәит).
11- «Шәусқәа инагӡаны, ишәаны изаны иҟашәҵа. Адунеии нарцәи рзы ихәарҭоу
аусқәарзы шәхандеи, ҳәарада, сара иҟашәҵо сбарҭоуп» (ҳҳәеит).
12- Ашьыжь, мызктәи амҩа ианылоз, ахәылбыҽхагьы мызктәи амҩа аҟынтә
ихынҳәуаз аԥшагьы Шәлиман маҵауҩыс иаҳҭеит. Иара изы абҩа рҭәаны
илаҳашьҭит. Аџьинқәа рҟынтәгьы анцәа игәаԥхарала имаҵ зыуқәоз ыҟан.
Урҭ рыбжьара аӡәы ҳҳәатәы дацәхьаҵыр, дызблыша амца агьама иҳарбон.
13- Урҭ Шәлиман изы, иҳараку, иблахкыгоу ахыбрақәеи, абаҟақәеи, ахәы знырҵоз,
аӡҭарчқәа ираҟароушәа, иузеиҭамго ақәаб дуӡӡақәеи изыҟарҵон. Уа Дауҭ
иҭаацәара! Иҭабуп шәҳәа. Суаажәлар рахьтә иҭабуп зҳәо даараӡа имаҷҩуп.
14- Шәлиман иԥсра аныҳаӡба, уи дшыԥсыз, илабашьа иагәылаланы изфаз аҩ
иҟамзар иагьрызгәаҭомызт. Шәлиман данкаҳа ауп дшыԥсыз анеилкааха,
аџьинцәа иҟалаша рдыруазҭгьы, илазырҟәышаз уи агәаҟра иҭагылаӡомызт.
15- Ииашаҵәҟьаны, Себе жәлар рзы, иахьынхоз аҭыԥ аҟны дырга дуӡӡак ыҟан.
Акы арӷьарахь, агьи армарахь ҩ-баҳчак. (Урҭ:) «Шәынцәа ишәаҭәеишьаз
аразҟы агьама баны, иҭабуп ҳәа иашәҳәа. Абар атәыла ԥшӡеи даараӡа
ишәаназыжьуа Анцәеи иахьыҟоу!» (Ҳәа раҳәан).
16- Амала урҭ иазхьамԥшӡеит. Ҳаргьы Арим захьӡу аӡхыҵра рыжәаҳҵеит.
Абаҳчақәа рыҩбагьы, иашоу шәырқәаки, ахьараџь ҵлақәаки, акы-ҩба аԥса
ҵлақәеи зҭагылаз қьаԥҭажәқәак ракәны иааҟаҳҵеит.
17- Абзиара ахьырзеилымкааз азы абас иахьҳархәит. Ҳара, абзиара
ззеилымкаауа рыда ӡәыр дахьҳархәхьоума?
18- Урҭ ртәылеи барақьаҭрала ихаҳҟьаз аҭыԥқәеи рыбжьара мариала
иубарҭоу иеиуеиԥшым ацуҭақәа аԥҵаны, дара дара рыбжьара
аиҭанаиааирагьы ишахәҭоу ишьақәҳаргылт. «Убраҟа уахгьы-ҽынгьы
шәарҭарак шәымамкәа шәеиҭанаиааи» ҳҳәеит.
19- Уи амшала: «Уа Ҳанцәа! Ҳанхарҭа ҭыԥқәа (ҳақалақьқәа) иеицәыхараны
иҟаҵа!» рҳәан, рхы ԥхасҭартәит. Ҳаргьы урҭ, аҵатәхәқәа рзы иҿырԥшны
иҟаҵаны, ицҟьа иқәаҳҵеит. Ҳәарада, абри аҟны, иахәҭоу ачҳареи аҭабуреи
аазырԥшуа рзы аҵатәхәқәа ыҟоуп.
20- Ииашаҵәҟьаны, Иблис, дара ирызкны дзызхәыцыз игәҭакы дақәшәеит,
иазхаҵаҩцәоу гәыԥҩык рыда агьырҭ зегьы, уи иҳәатәы азхарҵеит.

21- Арахь, уи дызларықәымчуа ҳәа акгьы имаӡамызт. Аха (Аҩсҭаа уи аҩыза
аҭагылазаашьа зиаҳҭаз) нарцәы иазхаҵаҩцәахази, агәыҩбара змази
иеилҳаргарц азоуп. Унцәа, ииашаҵәҟьаны зегьы ирхылаԥшуа иоуп.
22- Убас ҳәа: «Аллаҳ ида, (иԥшьоу, амчра змоу) ҳәа шәзызхәыцуа шәрыԥхьа! Урҭ,
ажәҩанқәеи
адгьыли
рыҟны
хәыцк
иаҟароу
акы
иақәиҭым,
иагьалахәылацәам, Аллаҳгьы урҭ рҟынтә ацхырааҩы димаӡам».
23- Аллаҳ иҿаԥхьа, иара ихаҭа иақәиҭитәыз рыда аӡәгьы иахашшаара алҵшәа
аиуӡом. Аҵыхәтәаны, урҭ рыгәқәа ашәарҭа анҭыгахалак: «Шәынцәа дҵас
ишәзыҟаиҵеи?» ҳәа иразҵаауеит. Урҭгьы: «Аиаша анагӡара дҵас иҳадиҵеит.
Уи дҳаракӡоуп, ддуӡӡоуп» ҳәа аҭак ҟарҵоит.
24- Убас ҳәа: «Ажәҩанқәеи адгьыли рҟынтә шәарҭ аразҟы шәызҭода?» ҳәа. Убас
ҳәа: «Аллаҳ иоуп. Ус анакәха, ҳара, мамзаргьы шәара, аҩ-ганк ҳҟынтә хәҭак,
мҩа иаша иануп, мамзаргьы иаартыҵәҟьаны маҳагьарак иҭагылоуп».
25- Убас ҳәа: «Ҳара иҳамхаҟаҵаз ацәгьарақәа рҭакԥхықәра шәарҭ ишшәыдымло
еиԥш, шәара иҟашәҵақәаз ирхырҟьаны ҳаргьы иҳазҵааӡом».
26- Убас ҳәа: «Ҳанцәа зегьы џьарак ҳаизигоит, насгьы ҳабжьара иашарыла
дҳақәыӡбоит. Аиаша зегь раасҭа иеиӷьны иеилзыргауа, насгьы зегьы
ишахәҭоу ала здыруа Иара иоуп.
27- Убас ҳәа: «Уи илахәуп ҳәа ивашәырҟәылақәаз сара иаасшәырбеишь! Мап! Уи
зынӡа ишәылшаӡом. Уимоу, аиааира згаҵәҟьаз, насгьы зегьы ҟәыӷарала
напхгара рызҭо Аллаҳ мацара иоуп!»
28- Ҳара, уара даҽаказы акәымкәа, гәырӷьаҽҳәаша руҭарц, гәҽанҵаҩыс
ауааԥсыра урзынаҳашьҭит, амала ауаа реиҳараҩык абри рыздыруам.
29- Дара ҵааит: «Аиаша шәҳәаҵәҟьозар, шәажәа анбанаӡо?» ҳәа.
30- Убас ҳәа: «Шәара убри аҩыза ҽҳәарак шәзыԥҵәоуп, уи аамҭацк аҟарагьы
шәзагхом, ԥхьаҟагьы шәзацәцом» ҳәа.
31- Мапкыҩцәа абас рҳәеит: «Ҳара абри Аҟәырҟангьы, уаанӡатәи ашәҟәқәагьы
азхаҳҵом!» Уара уи агәымбылџьбаҩцәа; рынцәа иҿаԥхьа итҟәаны ианыҟоу
ажәа шеимаркуа убандаз! Иладырҟәуаз ауаагьы, зхы иахԥагьаз рахь абас
рҳәоит: «Шәарҭ шәыҟамызҭгьы, ҳара, ҳәарада ҳазхаҵаҩцәахон» ҳәа.
32- Зхы иахԥагьазгьы, иладырҟәуаз ауаа рахь: «Шәара амҩа иаша анышәдырба,
ҳара ҳаума шәымҩахызҟьаз? Мап! Агәырԥса зырҳаз шәхаҭақәа шәоуп»
рҳәоит.
33- Иладырҟәуаз ауаа ракәзар, зхы иахԥагьаз рахь абас аҭак ҟарҵоит: «Мап!
Ҳара Аллаҳ мап ицәкреи уи иваҟәылара аԥшьгареи анҳаҵашәҳәоз, уахгьыҽынгьы шәызҿыз ҳжьара мацара акәын». Аҵыхәтәан, агәаҟра анырбалак
ҩныҵҟала абылра иалагоит. Ҳаргьы мапкыҩцәа рыхәдақәа аихатәы
агьажьқәа рхаҳаршәуеит. Урҭ ируз, иҟарҵаз мацаразы иахьырхәхоит.

34- Ҳара, тәылацыԥхьаӡа агәҽанҵаҩы дыззынаҳашьҭыз рыбжьара, ақьафура
зманы иҟаз ауаа, хымԥада: «Ҳарҭ, шәара иҳадыжәгалаз азхаҳҵом» ҳәа
ҳарҳәахьеит.
35- Ашьҭахьгьы абас нацырҵеит: «Амазара алагьы, ахыԥхьаӡара алагьы
ҳшәеиҳауп, ус анакәха, агәаҟра иақәшәараны иҟоугьы ҳара ҳакәхаӡом».
36- Убас ҳәа: «Сынцәа аразҟы иззиҭаху меигӡарахда ииҭоит, иззиҭахугьы
ирмаҷны, амала ауааԥсыра реиҳараҩык абри рыздыруам!
37- Шәара шәаҳзааигәазтәуа, шәмазареи шәыхшареи ракәым. Амала
иазхаҵаҩцәаханы адунеии нарцәи рзы ихәарҭоу аусқәа ҟазҵо ртәы даҽакуп,
урҭ иҟарҵақәаз мыцхәыла иреиҳаны аџьшьарақәа рзыҟоуп, насгьы урҭ,
(џьанаҭтәи) рханқәа рҽы аҭынчреи агәыӷреи рыла инхауеит.
38- Ҳажәаԥҟарақәа имчыдахарц азы зхы аџьабаа азырбазгьы, агәаҟра аҩныҵҟа
иааныжьхоит».
39- Убас ҳәа: «Сынцәа аразҟы иззиҭаху меигӡарахда ииҭоит, иззиҭахугьы
ирмаҷны. Абзиара иазкны ианнышәхлак, Аллаҳ ацкы шәиҭоит. Уи аразҟы
шәызҭо иреиӷьӡоу иоуп».
40- Уи амш азы, Аллаҳ, урҭ зегьы еизганы, насгьы ашацәа дразҵаауеит: «Абарҭ
ракәызма шәара ишәымҵахырхәоз?» ҳәа.
41- Ашацәагьы абас аҭак ҟарҵашт: «Уара иҳаракӡоу уреиҳауп. Ҳарҭ ҳауаҳҭынха
дара ракәым, Уара уоуп. Аиашаҵәҟьазы урҭ аџьинцәа ирымҵахырхәон,
реиҳараҩык урҭ азхарҵахьан».
42- Уажәшьҭа, шәара-шәара шәыбжьара хәарҭаракгьы, ԥхасҭакгьы шәибаҭара
шәылшаӡом. Ҳара, агәымбылџьбаҩцәа: «Имцуп ҳәа ишәԥхьаӡоз амца
аргәаҟра агьама жәба абыржәы!» ҳәа раҳҳәоит.
43- Урҭ, иаартыҵәҟьоу ҳажәаԥҟарақәа ианырзаԥхьалак: «Ари, шәабдуцәа
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 23
  • Части
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 01
    Общее количество слов 3445
    Общее количество уникальных слов составляет 1826
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 02
    Общее количество слов 3446
    Общее количество уникальных слов составляет 1788
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 03
    Общее количество слов 3521
    Общее количество уникальных слов составляет 1793
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 04
    Общее количество слов 3395
    Общее количество уникальных слов составляет 1815
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 05
    Общее количество слов 3366
    Общее количество уникальных слов составляет 1796
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 06
    Общее количество слов 3438
    Общее количество уникальных слов составляет 1696
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 07
    Общее количество слов 3457
    Общее количество уникальных слов составляет 1701
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 08
    Общее количество слов 3383
    Общее количество уникальных слов составляет 1714
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 09
    Общее количество слов 3401
    Общее количество уникальных слов составляет 1813
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 10
    Общее количество слов 3332
    Общее количество уникальных слов составляет 1638
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 11
    Общее количество слов 3382
    Общее количество уникальных слов составляет 1766
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 12
    Общее количество слов 3489
    Общее количество уникальных слов составляет 1750
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 13
    Общее количество слов 3521
    Общее количество уникальных слов составляет 1844
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 14
    Общее количество слов 3464
    Общее количество уникальных слов составляет 1725
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 15
    Общее количество слов 3433
    Общее количество уникальных слов составляет 1778
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 16
    Общее количество слов 3540
    Общее количество уникальных слов составляет 1858
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 17
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 1861
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 18
    Общее количество слов 3453
    Общее количество уникальных слов составляет 1714
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 19
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 1743
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 20
    Общее количество слов 3491
    Общее количество уникальных слов составляет 1710
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 21
    Общее количество слов 3456
    Общее количество уникальных слов составляет 1616
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 22
    Общее количество слов 3450
    Общее количество уникальных слов составляет 1744
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 23
    Общее количество слов 3475
    Общее количество уникальных слов составляет 1751
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 24
    Общее количество слов 3490
    Общее количество уникальных слов составляет 1693
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 25
    Общее количество слов 3437
    Общее количество уникальных слов составляет 1707
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 26
    Общее количество слов 3408
    Общее количество уникальных слов составляет 1731
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 27
    Общее количество слов 3446
    Общее количество уникальных слов составляет 1766
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 28
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 1652
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 29
    Общее количество слов 3391
    Общее количество уникальных слов составляет 1715
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 30
    Общее количество слов 3549
    Общее количество уникальных слов составляет 1790
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 31
    Общее количество слов 3352
    Общее количество уникальных слов составляет 1726
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 32
    Общее количество слов 531
    Общее количество уникальных слов составляет 374