Latin

Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 14

Общее количество слов 3464
Общее количество уникальных слов составляет 1725
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
Адунеитә ԥсҭазаара нарцәы аасҭа иеиӷьашьаны, (ауааԥсыра) Аллаҳ имҩа
иахыганы, уи амҩа иашамкәа, ихәахәаны идзырбо ауаа, убарҭ иҵаулаӡоу
мҩахҟьарак иҭагылоит.
Ҳара (Аллаҳ идҵақәа) ибзианы иеиҭарҳәап ҳәа, аԥааимбарцәа рыжәлар
рбызшәа ала ирзынаҳашьҭит. Уажәшьҭа, Аллаҳ изҭаху / ииҭаху
дымҩахиҟьоит, изҭахугьы / ииҭахугьы амҩа иашахь дирхоит. Избанзар, Уи,
амчреи аҟәыӷареи дырқәиҭуп.
Иара Мысагьы: «Ужәлар алашьцара аҟынтә алашарахь инага, урҭ, Аллаҳ
ажәларқәа уаанӡа ахьырхәра ишақәиршәаз ргәаларшәа» ҳәа ҳџьашьахәқәа

рыла дырзынаҳашьҭит. Ҳәарада, абри аҟны ачҳареи аҭабуреи аазырԥшыз
зегьы рзы аҵатәхәқәа ыҟоуп.
6- Мысагьы иуаажәлар рахь: «Аллаҳ ишәаҭәеишьаз анасыԥ шәгәалашәыршәа.
Уи, шәара Фараон иуаажәлар рҟынтә шәҿиххьан. Урҭ, шәара иреиҳаӡоу
агәаҟра шәақәдыршәон, шәыҷкәынцәа ҭарханы, шәыҳәсахәыҷқәа мацара
аанрыжьуан. Абарҭ ишәзеиҭаҳәақәоу шәынцәа шәызхигаз аԥышәа дуӡӡақәа
ракәын» ҳәа реиҳәахьан.
7- Насгьы, шәынцәа ишәеиҳәаз шәгәалашәыршәа: «Ииашаҵәҟьаны, иҭабуп ҳәа
сашәҳәар, ҳәарада, саҭәашьара ишәзацысҵауеит. Амала, абзиара
ззеилымкаауа шәреиуахар, усҟангы, сахьырхәра даараӡа иӷәӷәахоит!»
8- Мыса убас иҳәеит: «Шәарҭ адгьылтәыла иқәынхо зегьы, абзиара
ззеилымкаауа шәреиуахар, ижәдыруазааит, Аллаҳ зегь рыла ибеиаӡоу, насгьы
арҽхәаԥхьыӡқәа зегьы ирыԥсоу иоуп» ҳәа.
9- Шәара шәаԥхьа имҩасыз, Ныҳә, Ад, Семуд рыжәларқәеи, насгьы урҭ
рышьҭахьтәиқәеи рыӡбахә шәмаҳаӡаци? Урҭ рыӡбахә, Аллаҳ ида уаҳа
аӡәгьы издырам. Рԥааимбарцәа иаартыз аџьашьахәқәа шрызнаргазгьы,
рнапқәа рԥааимбарцәа рҿы инақәырӷәӷәаны: «Ҳара, шәарҭ ишәзаашьҭу
зегьы мап рцәаҳкуеит. Ааԥхьара иҳашәҭаз аганалахьгьы агәыҩбара ӷәӷәа
ҳамоуп!» рҳәеит.
10- Рԥааимбарцәагьы убас рҳәеит: «Ажәҩанқәеи адгьыли зшаз Аллаҳ изкны
агәыҩбара шәымоума? -ҳәа. Аха Уи, шәгәырԥсақәа шәанажьны аҽҳәарагьы
шәыҭаны азхаҵарахь ааԥхьара шәиҭоит». Урҭгьы: «Шәаргьы, ҳара ҳаиԥш
шәуаауп, ҳара ҳабдуцәа зымҵахырхәоз ҳарҟәышәхыр шәҭахуп. Ус анакәха,
иаартыҵәҟьоу ршаҳаҭгак ҳзаажәга!» рҳәеит.
11- Аԥааимбарцәа ракәзар, абас рарҳәеит: «Ҳаргьы шәара шәеиԥш ҳуаауп.
Амала, Аллаҳ иуааԥсыра рыбжьара ииҭаху ираҭәеишьоит. Уи, азин
ҟаимҵакәа ҳара ршаҳаҭгак шәзаагара ҳақәнагам. Азхаҵаҩцәа ирыхәҭоу,
Аллаҳ мацара иазхаҵара ауп» ҳәа.
12- «Насгьы, Аллах амҩа иаша анаҳирба ашьҭахь, ҳара уи дзазхаҳамҵари? Шәара
ҳазҭашәыргылаз агәаҟрагьы, хымԥада, иҳачҳауеит. Азхаҵаҩцәа Аллаҳ
мацара дазхарҵааит».
13- Мапкыҩцәа ракәзар, рԥааимбарцәа рахь: «Хымԥада, ҳтәыла шәалаҳцоит,
мамзаргьы ҳара ҳдин шәазыхынҳәроуп!» ҳәа рарҳәеит. Рынцәа иҟынтәгьы
убас ажәаԥҟара ааит: «Ҳара, агәымбылџьбаҩцәа хымԥада инҳарҵәоит!»
14- «Урҭ рышьҭахьгьы уи аҭыԥ аҟны, ҳәарада, шәара шәынҳархоит. Ари, ҳҭыԥ
иацәшәаны ҳаршәара зҽацәызыхьчаз ирызкуп».

15- (Аԥааимбарцәа) Аиааира рҭаххан, (Аллаҳгьы) ириҭеит. Аҵыхәтәан,
агәымбылџьбаҩцәагьы ргәыӷрақәа башахеит.
16- Згәыӷрақәа башахаз, агәымбылџьбаҩы иԥеиԥшу џьаҳаным ауп. Уаҟа уи
ашьаҟӡыҟ злоу аӡы идыржәуеит.
17- Ари аӡы, ҿамҩа ҿамҩала мацара илбааидар иҭаххоит, аха, иҟарҟы
изкылсӡом. Уи, ганрацәала аԥсра изааиуеит, аха дыԥсӡом, ашьҭахьгьы
агәаҟра ӷәӷәа дақәшәоит.
18- Рынцәа мап ицәызкуа рҭагылазаашьа абас ауп: Урҭ русқәа, аԥшатлакә
анасуа аамҭазы, аԥша ицҟьа иқәнаҵаз ахәа иаҩызоуп. (Адунеи аҿы) Идырҳаз
акымзарак, (нарцәы) ирыхәараны иҟаӡам. Абар, иҵаулаӡоу аҟьалара.
19- Аллаҳ ажәҩанқәеи адгьыли, аиашеи аҟәыӷареи инарықәыршәаны ишишаз
умбаӡеи? Уи иҭаххар, шәарҭ шәықәганы даҽа жәларык ааигоит.
20- Ари, Аллаҳ изы иуадаҩӡам.
21- Ауааԥсыра зегьы Аллаҳ иҿаԥхьа ианнеилак, имчыданы иҟаз ауаа, рхы
иазԥагьаны зхы мҩаԥызгоз абас иразҵаауеит: «Адунеи аҟны шәара
ҳшәыдҳәалан. Уажәы, Аллаҳ иргәаҟра аҿаԥхьа ҳашәзыхьчома?» Агьырҭгьы
абас аҭак ҟарҵоит: «(Иҟаҳҵари) Аллаҳ, амҩа иашахь ҳкылигандаз, ҳаргьы
шәара уахь шәнаҳгарын. Уажәшьҭа иагьа ҳазхьааргьы зегьдарароуп, ҳара
ҳзы ахеиқәырхара ҳәа акгьы ыҟаӡам».
22- Рыҳасаб еилырганы, рус анынагӡахалакгьы, аҩсҭаа абас драцәажәоит:
«Хымԥада, Аллаҳ, иҟалаша шәақәиргәыӷит; сара сакәзар, ус баша акы
шәақәсыргәыӷын, насгьы сахьхәит. Сара усгьы, сажәа зланасыгӡаша алшара
сымаӡамызт. Мапкразы ааԥхьара мацара шәысҭеит, шәаргьы шәыҩуа
сааԥхьара шәахаҵгылеит. Уи амшалагьы, уажәы гәыбӷан сышәымҭан, шәхы
шәақәыӡба. Иахьа, шәара шәыцхыраара сзахьӡарангьы сыҟам, сара
сыцхыраарагьы шәарҭ шәзахьӡом. Адунеи аҟынгьы сара Аллаҳ
сахьивашәырҟәылаз мап ацәыскхьеит». Ҳәарада, агәымбылџьбаҩцәа рзы
хьаала иҭәу гәаҟрак ыҟоуп.
23- Иазхаҵаҩцәаханы аус бзиақәа назыгӡаз ракәзар, Рынцәа игәаԥхарала наунаӡа
изҭынхаша, зыҩныҵҟа аӡиасқәа зҭысуа џьанаҭқәа иҭарҵоит. Урҭ, уаҟа
еиқәшәацыԥхьаӡа ирҳәаша «абзиара умаз» ажәа ауп.
24- Иумбаӡеи, Аллаҳ ажәа ԥшӡа ҿырԥшыс ишааигаз? Ажәа ԥшӡа, здацқәа адгьыл
аҟны иӷәӷәоу, зымахәқәагьы ажәҩан аҟынӡа инаӡо ҵлак иаҩызоуп.
25- Ари аҵла, Анцәа игәаԥхарала еснагь ашәыр ҿалоит. Аллаҳ, ихәыцны
аҵатәхәы алырхырц азы ауааԥсыра абас аҿырԥшқәа рзааигоит.
26- Ажәа бааԥсы аҭагылазаашьагьы; адгьыл иҵжәаны икажьу, здацқәәа ӷәӷәам
аҵла иаҩызоуп.

27- Аллаҳ дазхазҵо ауаа, ԥсахра зқәым, иӷәӷәоу, насгьы иҵабыргу ражәа
иахьацныҟәо азы, адунеи аҟынгьы, нарцәгьы рҭыԥ ӷәӷәоуп, ршьапы иқәҟьом.
Агәымбылџьбаҩцәа ракәзар, Аллаҳ, урҭ ирблаҟьоит, имҩахиҟьоит. Аллаҳ,
иааигәаԥхаз ҟаиҵоит.
28- Аллаҳ ибзиарақәа, ачарҳәара рзуны, зыуаажәлар инаганы, иқәӡааша
атәылаҿы инзырхаз умбаӡеи?
29- Урҭ џьаҳаным иҭалаша роуп. Шаҟа нхарҭа бааԥсузеи уи!
30- Ауааԥсыра, Аллаҳ имҩа иахыргарц азы, уи, аваҟәылацәа ивадыргылеит. Убас
ҳәа: «Даҽа ҳамҭакы шәынха. Избанзар, шәахьнанагаша амца ауп».
31- Иазхаҵаҩцәоу суаажәлар абас раҳәа: Рнамаз ииашаны иркааит,
иарбанзаалак хәаахәҭраки аиҩызареи аныҟамлаша уи амш ааиаанӡа, дара
ираҭәаҳшьаз рҟынтә, Аллаҳ имҩазы маӡалеи аргамеи инырхааит.
32- Аллаҳ, ажәҩанқәеи адгьыли зшаз, ажәҩан аҟынтә ақәа лбаашьҭны, убри ала
шәарҭ разҟыс ишәоуша, иеиуеиԥшым ашәырқәа цәырызгаз; идҵа ала аӷбақәа
амшын аҟны иӡсаларц шәнапы ианызҵаз, аӡиасқәагьы шәмаҵура иазызкыз
иоуп.
33- Уи, ишырзаԥу ала аныҟәара иаҿу амреи амзеи шәара хәарҭас ишәзыҟазҵаз,
аҵхи амши шәара шәмаҵура иазызкыз иоуп.
34- Уи, ишәҭахыз зегьы шәиҭеит. Шәарҭ, Аллаҳ иразҟқәа аиқәыԥхьаӡара
шәалагар, шәзахьӡарым. Аиашазы, ауаҩԥсы кырӡа дгәымбылџьбаҩуп,
кырӡагьы абзиара знымаало иоуп!
35- Ибраҳим аамҭак азы абас иҳәахьан: «Сынцәа! Абри ақалақь ишәарҭадароу
ҭыԥны иҟаҵа, сареи сыхшареи аныхабаҟақәа рымҵахырхәара ҳацәыхьча»
ҳәа.
36- «Сынцәа! Избанзар уи аныхабаҟақәа, ауааԥсыра реиҳараҩык мҩахырҟьеит.
Уажәшьҭа дарбанзаалак сара исыцлаз, уи сара дыстәуп. Дарбанзаалакгьы
сҳәатәы хамҵакәа исҿагылаз, ҳәарада, уара кырӡа уанажьҩуп, кырӡагьы
урыцҳашьаҩуп».
37- «Ҳанцәа! Сара сыхшара рыхәҭак, уара иԥшьоу уҩны (Қьааба) авараҿы,
аарыхра ахьалымшоз аҩхаак аҟны инсырхеит. Ҳанцәа! Урҭ, рнамаз ииашаны
иркырц азы абас ҟасҵеит. Уаргьы ауааԥсыра ԥыҭҩык рыгәқәа дара рахь ирха,
урҭ уаалыҵқәа рыла аразҟы раҭәашьа, иҟалап даргьы иҭабуп ҳәа уарҳәар».
38- «Ҳанцәа! Ҳәарада, уара, иаҳӡогьы иҳаргамоугьы удыруеит. Избанзар, адгьыл
аҟынгьы, ажәҩан аҟынгьы акымзарак Аллаҳ изы имаӡаны изаанхом».
39- «Сажәымҭыҽха Исмаили Исҳаки ҳамҭаны исызҭаз Аллаҳ арҽхәаԥхьыӡқәа
зегьы дрыԥсоуп! Ҳәарада, сара сынцәа аныҳәарақәа ишахәҭоу изаҳауа иоуп».

40- «Сынцәа! Сареи схылҵшьҭреи, анамаз аԥҟарақәа инарықәыршәаны,
ианаамҭоу, насгьы иагмыжькәа изкуа ҳреиԥштә. Уа ҳанцәа! Аҳәара иҟасҵаз
удкыл!»
41- «Ҳанцәа! Аҳасаб анеилыргахо амш аҽны, сареи, сани, саби, азхаҵаҩцәеи
иҳанажь».
42- (Уа сԥааимбар!) Урҭ агәымбылџьбаҩцәа зҿқәоу Аллаҳ изымдыруа џьумшьан.
Уи, аблақәа ҳаӷеимшхара баны ианыҭҟьаша амш аҽнынӡа, урҭ аҽҳәара
риҭоит.
43- Уи аҽны урҭ, рыхшыҩ ҭацәны, иааҳәны рхы рымбо, рыблақәагьы џьарак
мацара икыдхаланы, иеибарыҩуа иҟазаауеит.
44- (Уа Муҳаммед) Ауааԥсыра, уи агәаҟра амш шырзааиша аганахьала
агәҽанызаара рыҭ. Избанзар, уи аҽны агәымбылџьбаҩцәа: «Уа ҳанцәа!
Ҳамҭакы иҳараӡа, ҳаргьы уааԥхьара ҳҽақәҳаршәап, уԥааимбарцәа рымҩа
ҳнанылап» рҳәашт. Аха урҭ абас раҳәахоит: «Шәара уаанӡагьы ԥырхагак
шышәмоуа алагьы шәымқәӡаззи?»
45- «Рнапала, рхы агәымбылџьбара азуны, зҵыхәтәа зхала иаазгаз ажәларқәа
ртәылақәа шәрықәынхеит. Урҭ ҳашрызныҟәаз иаартны ишәбарҭан, уи
адагьы шәарҭ аҿырԥшқәагьы шәҳарбахьан».
46- Дара ртәала, ацәцашьа змам ашьацҳәақәа ықәдыргылахьан. Аха Аллаҳ урҭ
ршьацҳәақәа шидыруа еиԥш, илҵшәаданы рыҟаҵарагьы имч ақәхоит,
ршьацҳәақәа, ашьхақәа рҭыԥ ирыхнацартә иҟазаргьы.
47- Аллаҳ иԥааимбарцәа ириҭаз иажәа наимыгӡо џьумшьан! Избанзар, Аллаҳ
амчраҵәҟьа дақәиҭуп, ахьырхәра ақәыршәараҿгьы ишьаура аанижьуам.
48- Уи амш, адгьылтәыла, даҽа дгьылтәылак, ажәҩанқәагьы даҽа жәҩанқәак
реиԥш инарҳәы аарҳәхоит, насгьы ауааԥсыра иаӡәыку, зегьы зымҽхаку Аллаҳ
иҿаԥхьа инагахоит.
49- Уи аҽны ацәгьауцәа азынџьырқәа рыла иеиқәҿаҳәа иубап.
50- Рхарԥқәа иршәу, акаҭран иалхуп, рхаҿсахьагьы амца ацралахьеит.
51- Аллаҳ, зегьы (адунеиаҿы) идырҳаз ацымхәра риҭарц азы абас ҟаиҵоит.
Ҳәарада, Аллаҳ зыҳасаб лассы иеилзырго иоуп.
52- Абри Аҟәырҟан; ргәырҽанырҵап, Аллаҳ дшаӡәыку рдырып, насгьы ахшыҩ змоу
ауаа ихәыцны аҵатәхәы алырхып ҳәа ауааԥсыра ирзынашьҭу шәҟәуп.

15 . Ҳиџьр (Ахаҳәра)
Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1-

Елиф. Лам. Ра. Арҭ ажәақәа, ахьӡ-аԥша змоу, иаарту, насгьы аҵабырг
еиҭазҳәауа Аҟәырҟан ажәаԥҟарақәа роуп.
2- Аамҭак ааиуеит, азхамҵаҩцәа «ҳаргьы ҳаԥсылманцәазҭгьы!» ҳәа
анырҳәаша.
3- Урҟәаҵ урҭ; ирфалааит, иржәлааит, аԥсҭазаара қьаф алыхра иаҿызааит;
ргәаҳәарақәеи рҭахрақәеи аамҭа рцәагааит. Хара имгакәа иеилыркаараны
иҟоуп!
4- Ҳара, иарбанзаалак жәларык, шәҟәык рзынамышьҭкәа иқәҳамгаӡеит.
5- Жәларык, дара раџьал аамҭа, аԥхьаҟагьы изаахом, шьҭахьҟагьы изнахом.
6- Азхамҵаҩцәа уҵәылхны: «Уа аҵаҳәара ззааиуа ауаҩы! Уара, хымԥада, зыхшыҩ
цаз уоуп!» ҳәа уарҳәеит.
7- «Аиаша зҳәо уакәзар, ҳарҭ амаалықьцәа ҳзааугар акәын!» рҳәоит.
8- Ҳарҭ амаалықьцәа иаарҭу аҵабырг азы илбааҳгоит, аха усҟангьы урҭ
аҽҳәара рыҭахаӡом.
9- Ижәдыруазааит, абри ашәҟәы ииашаҵәҟьаны ҳара илбааҳгеит, уи зыхьчогьы
хымԥада ҳара ҳакәхоит.
10- Иҵабыргыҵәҟьаны, уара уаԥхьагьы ажәларқәа дара рыбжьарантәи
ацҳаражәҳәаҩцәа рзынаҳашьҭхьан.
11- Аԥааимбарцәа анрызнеилак, урҭ иаразнак аҵәы рылырхуа иалагон.
12- Абас ала, ҳара убри (Аҟәырҟан) ахара зду рыгәқәа иҭаҳҵоит.
13- Урҭ, уаанӡатәиқәа ирыхҭысқәаз аҵатәхәы алхра шрыхәҭоугьы, ахаан абри
(Аҟәырҟан) азхарҵараны иҟам.
14- Дара убарҭ ажәҩан аҟынтә ҩнашәк рзаартны, аҩада ихаҳгаларгьы,
15- Еиҭах: «ҳаблақәа аш хылеит, мамзаргьы алаԥшхырԥарак ҳзыҟаҵазар
акәхап!» рҳәоит.
16- Иҵабыргыҵәҟьаны, ҳара ажәҩан аҟны еҵәаџьаа аԥҵаны, иахәаԥшуа рзы уи
ҳарԥшӡеит.
17- Насгьы урҭ, ахаҳә иаргоу (иԥхаҵоу) аҩсҭаацәа рҟынтә иҳахьчеит.
18- Амала, алымҳа аҵаӷьычра зҽазызкыз (акылӡырҩы) дхазуп. Уигьы ицырцыруа
ибылуа агәашьа цәымзак ишьҭалоит.
19- Адгьылтәылагьы еиҵаҳхит, уаҟа иӷәӷәоу ашьхақәа шьаҟаны иалаҳаргылт,
иара убра, ашәага-загала аҵиаа хкқәагьы иазҳартә иаԥаҳҵеит.

20- Убраҟа шәара шәзыҳәангьы, зразҟы шәара ишәыдым, ԥсы зхоу зегьы рзгьы,
ахныҟәгатәқәагьы аԥаҳҵеит.
21- Зегьы рыхазынарақәа ҳара ҳнапаҿы иҟоуп. Амала ҳара урҭ шәага-загак
инақәыршәаны илбааҳгоит.
22- Аԥшақәа, еихаҳагас инашьҭны, насгьы ажәҩан аҟынтә ӡык лбааҳашьҭуеит,
абри ала ишәзымхо аӡгьы шәоуеит. (Абарҭқәа ҟаҳамҵазҭгьы) Шәара уи аӡы,
адгьыл аҵаҟа ишәзеизгаӡомызт.
23- Ҳәарада, аԥсҭазаара шәызҭогьы, ишәымызхуагьы ҳара мацара ҳауп!
Аҵыхәтәаны зегь ззаанхогьы ҳара ҳауп.
24- Ҳара, ииашаҵәҟьаны, шәара шәҟынтә ԥхьаҟа ицақәазгьы ҳдыруеит,
шьҭахьҟа иаанхазгьы ибзиаӡаны иаҳдыруеит.
25- Урҭ зегьы, акаамеҭ амш аҽны иеидызкылашагьы уара унцәа иоуп. Избанзар,
Уи, зегьы ҟәыӷарала ирқәиҭу, зегьы здыруа иоуп.
26- Иҵабыргыҵәҟьаны, ҳара ауаҩԥсы иҩоу аҳәынҵәеи, анышәаԥшь еиқәаҵәеи
далаҳхит.
27- Аџьнышцәа ракәзар, уаанӡа ашҳам злоу мцак иалаҳххьан.
28- Уара унцәа амаалықьцәа рахь: «Сара, иҩоу аҳәынҵәа аҟынтә, ичаԥоу
анышәаԥшь еиқәаҵәа аҟынтә уаҩԥсык дысшоит» ҳәа реиҳәахьан.
29- «Уи ҭеиҭыԥшла дчаԥаны, сыԥсы аҟынтәгьы санихәлаҭәҳәалак, шәаргьы
иаразнак (уи ипату шәахаҵгыларазы) асаара шәыҽкашәыжь!»
30- Амаалықьцәагьы иаразнак асаара рыҽкарыжьт.
31- Амала, Иблис; уи, асаара зыҽказыжьыз рыҽрылаимырхәӡеит.
32- Аллаҳгьы абас иҳәеит: «Уа Иблис! Уара иухьи, асаара зыҽказыжьыз
узрылахәми?» ҳәа.
33- Иблис, абас аҭак ҟаиҵеит: «Сара, ирҩоу аҳәынҵәа, анышәаԥшь еиқәаҵәа
иалухыз уаҩԥсык изы сыҽсызкажьӡомызт».
34- «Удәылҵ!» иҳәеит Аллаҳ: «Уара уажәшьҭарнахыс ара узынхом!»
35- «Ақәыӡбара амш аҟнынӡа абри ашәиԥхьыӡ ала уҟазаауеит!»
36- «Сынцәа! Ус анакәха, ауааԥсыра даҽазнык аԥсы анырхауҵаша амш аҽнынӡа
аҽҳәара сыҭ» – иҳәеит Иблис.
37- Аллаҳгьы: «Аҽҳәара уҭоуп!» иҳәеит.
38- «Амала, иазыԥҵәоу аамҭа (акаамеҭ амш) аҟынӡа».
39- Иблис: «Сынцәа, сара амҩахҟьара азин суҭазар, саргьы урҭ адгьылтәыла
аҟны (агәырԥсақәа) иԥшӡаны идырбаны, зегьы мҩахысҟьоит».
40- «Амала, уара утәқәа, аҽрыцқьара иахьӡаз ауаа аламҵакәа».
41- Аллаҳ, убас иҳәеит: «Абар, сара сахь инаӡаша, ииашаҵәҟьоу амҩа абри ауп».
42- Ҳәарада, имҩахҟьаны, уара умҩа ианыло рыда, сара истәқәоу рахьтә уара
амчра умам.

43- Ҳәарада, уара иуцныҟәаз зегьы рзы, џьаҳаным еиқәшәарҭа ҭыԥны иҟалоит.
44- Уа агәашәқәа быжьба ҿоуп, урҭ зегьы зызку хазхазуп.
45- Аллаҳ иҿагылара зҽацәызыхьчаз, хымԥада, џьанаҭтәи абаҳчақәа рҿы
аӡыхьқәа рхықә аҟны иҟалашт.
46- «Шәаӡыӡарада, гәҭынчрала шәҭал уахь!» (Ҳәа раҳәахоит).
47- Урҭ рыгәқәа аиӷара ҭыгоуп, уажәшьҭа зегьы иеишьцәаны, ацәардаӷәқәа
рыҟны наҟ-ааҟ еиҿаԥшуа инықәиалоит.
48- Уаҟа иарбанзаалак ааԥсарак рныԥшран иҟам, наунагӡагьы уаантәи
иҭыргаӡом.
49- (Уа сԥааимбар!) Суааԥсыра адырра рыҭ, ҳәарада, сара ишәаназыжьуа,
ишәзылыԥхауа шсакәу.
50- Амала сара сҟынтә аргәаҟрагьы, кырӡа ахьаа узҭо шгәаҟроу рзеиҭаҳәа!
51- Урҭ, Ибраҳим исасцәагьы ргәаларшәа.
52- Уи иааидгыланы аԥсшәа иарҳәеит. Ибраҳимгьы: «Шәганахь ала
агәҭынчымра ҳамоуп» ҳәа реиҳәеит.
53- «Умшәан!» рҳәеит: «Уара гәырӷьаҽҳәашаны адырра змоу ԥак дуаҳҭоит».
54- Ибраҳим: «Сажәымҭыҽха абри аҩыза агәырӷьаҽҳәаша сышәҭома? (Ахшара
дызласмоуа ала) Гәырӷьаҽҳәаша сыҭаразы шәзықәгәыӷуеи?» иҳәеит.
55- «Аҵабырг, гәырӷьаҽҳәашас иуаҳҳәеит. Згәыӷра зцәыӡыз уреиуамхан!»
рҳәеит.
56- «Аиаша иацәхьаҵыз рыда Анцәа иҟынтә згәыӷра зцәыӡуада?» иҳәеит.
57- «Уа ацҳаражәҳәаҩцәа! Дҵас ишәымои?» ҳәагьы дразҵааит.
58- «Ҳарҭ, ахара зду жәларык ахьырхәра иақәҳаршәарц азы ҳаашьҭуп».
59- «Амала, Луҭ иҭаацәа аԥхасҭа роуӡом, урҭ зегьы еиқәҳархоит,
60- Иԥҳәыс мацара лыда! Уи илызку аӡбара – иқәӡаараны иҟоу дышрыцу
шьҭахьҟа лаанхара ауп.
61- Ацҳаражәҳәаҩцәа, Луҭ иҭаацәарахьгьы инеит.
62- Луҭ, урҭ рахь: «Шәарҭ, иаҳдырқәо шәреиуаӡам!» ҳәа реиҳәеит.
63- «Ус ауп, аха ҳарҭ ауааԥсыра ргәы зызҩоз (аргәаҟреи, ақәӡаареи) узааҳгеит».
64- «Уара аиаша узааҳгеит. Ҳарҭ, хымԥада аиаша уаҳҳәоит».
65- «Уажәы, аҵх иалагӡаны, уҭаацәа иаарласны амҩа иқәҵа, уаргьы
урышьҭагыла уҿынаха! Аӡәгьы ишьҭахьҟа дхьамԥшааит! Иахьшәыдҵоу
аҭыԥ ашҟа шәца!»
66- Уи (Луҭ), абри аҩыза ҳаӡбара иҵаҳҳәеит: «Урҭ, ашьыжь аламҭалазы
рдарақәац ҿахҵәахоит!»
67- Ақалақьуаа гәырӷьаҵәа (Луҭ иҩныҟа) иааит.
68- Луҭ урҭ абас реиҳәеит: «Арҭ, сара сысасцәа роуп. Сшәыҳәоит рҿаԥхьа
сышәмырԥхашьан» ҳәа.

69- «Аллаҳ шәицәшәа, сара ахьымӡӷ сышәмырган!»
70- «Ҳарҭ, атәымуаа рыхьчара уҽалаумырхәын ҳәа удҳамҵаӡази?» ҳәа иҵаҟьеит.
71- Луҭ: «Абарҭ сыԥҳацәа роуп, кыр шәгәы иҭазар (урҭ ҩнра ижәга)», иҳәеит.
72- (Уа сԥааимбар!) Уара умсааит, урҭ, арыжәтә иашьны иҟарҵара рзымдыруа
иҟан.
73- Аҵыхәтәаны, амра агыламҭаз игәыҭҟьагаз уи абжьыцәгьа урҭ
ааннакылеит.
74- Ашьҭахьгьы ртәыла хылагәыла иааҳарҳәит, ихаҳәхьаз анышәгәал
рзаҳаруит.
75- Ҳәарада, еилызкаауа рзы, абри аҟны иагьа адыргақәеи аҵатәхәқәеи ыҟоуп.
76- Урҭ ақьаԥҭажәқәа, мҩак аганаҿы абыржәгьы игылоуп.
77- Уи аҟны азхаҵаҩцәа рзы аҵатәхәы ыҟоуп.
78- Еиқье инхо ажәлар иҵабыргыҵәҟьаны игәымбылџьбаҩцәақәаз ракәын.
79- Ҳара урҭ, ирыхәҭаз иақәҳаршәеит. Арҭ аҩқалақькгьы, иаарту мҩак иаԥнуп.
80- Иҵабыргыҵәҟьаны, Ҳиџьр ажәларгьы рԥааимбар амцҳәара идыркылеит.
81- Ҳара урҭ, ҳажәаԥҟарақәа рзынаҳашьҭзаргьы, иазхьамԥшит.
82- Ашьхақәа рҿы, дара рзы ишәарҭадараны иахьырыԥхьаӡоз аҩнқәа дыргыларц
иҭыржаауан.
83- Шьыжьык, урҭгьы иаалырҟьаны игәыҭҟьагаз уи абжьы иааннакылеит.
84- Идырҳахьаз амазарагьы, рылшарақәагьы џьаргьы ирмыхәеит.
85- Ҳара, ажәҩанқәеи адгьыли, насгьы абарҭ рыбжьара иҟоу зегьы баша
акәымкәа, хыкәкык инақәыршәаны, зегьы рҭыԥ аҟны, аҵабрг иадҳәалоу
шьақәгылашьак ала иаҳшеит. Хымԥада, акаамеҭ амшгьы ааираны иҟоуп. Ус
анакәха, уара ауааԥсыра еилкаарала урызнеи.
86- Ҳәарада, уара унцәа, дҳаракӡоуп, зеиԥш дыҟам ашаҩы иоуп, насгьы зегьы
ишахәҭаҵәҟьоу издыруа иоуп.
87- Ииашаҵәҟьаны ҳара, лассы-лассы иеиҭаҳәатәу ажәаԥҟарақәа быжьбеи, хьӡиԥшеи змоу Аҟәырҟани уаҳҭеит.
88- Азхамҵаҩцәа рыбжьара гәыԥҩык, ираҳҭаз адунеитә мазара улаԥш
адымхалааит! Уи амшала умхьаан, насгьы азхаҵаҩцәа лыԥхала урызныҟәа!
89- «Ҳәарада, сара иаартыҵәҟьаны сыгәҽынҵаҩуп» ҳәа раҳәа.
90- Ажәакала, ҳара, (Аҟәырҟан) хәҭала иааиҩшаны иеиҿазыргыло агәаҟра
рзылбааҳгеит.
91- Урҭ, Аҟәырҟан ҽыҭ-ҽыҭ иеиҩызшо роуп.
92- Унцәаиныс, иҟарҵақәаз рымшала,
93- Ҳара урҭ зегьы ҳразҵаараны ҳаҟоуп.
94- Уара, дҵас иумоу иаартны ирзеиҭаҳәа, Аллаҳ иваҟәылара аԥшьызго
урызхьамԥшын.

95- Урҭ аҵәылхыҩцәа рҿаԥхьа, ҳара ҳузхоит.
96- Аллаҳ дышрымоу, даҽа нцәахәык дышьҭызхыз ракәзар, ԥхьаҟа
иеилыркаараны иҟоуп!
97- Ражәақәа рымшала угәы шеиҵахо ҳдыруеит.
98- Амала, уара, унцәа арҽхәаԥхьыӡқәа рыла ихьӡ ырҳаракны, уҽиҭаны,
уимҵахырхәа!
99- Хырԥашьа змам (аԥсра) ааиаанӡа, унцәа уиашьапкла!

16 . Наҳл - Ашьхыцқәа

Иаҳзылԥхауа иҳаназыжьуа Аллаҳ ихьӡала!
1-

Аллаҳ идҵа хымԥада инагӡахоит. Ус анакәха, уи арласра шәахымыццакын.
Аллаҳ иваҟәыларазы урҭ иаԥшьыргақәаз кырӡа дырцәыхароуп, дҳаракӡоуп.
2- Аллаҳ иуааԥсыра рахьтә иажәаԥҟара иззиҭаху ирзнаргарц азы амаалықьцәа
лбаашьҭны, абри аҩыза адҵа риҭоит: «Сара сыда анцәа дшыҟам ала
сыуаажәлар ргәырҽанышәҵа, насгьы, сара мацара шәсыцәшәа» ҳәа.
3- Уи, ажәҩанқәеи адгьыли хыкәкык инақәыршәаны, аиаша иадҳәаланы ишеит.
Уи, ивадырҟәылақәаз дырҟәыгоуп.
4- Уи, ауаҩԥсы цәыкәбарк далихит, амала уи иаартыҵәҟьаны инцәа диаӷахеит.
5- Зжьы шәфо аԥсасеи ашьамаҟеи уи ишеит. Урҭ рыҟны шәзырԥхаша, насгьы
иҵегьы ишәыхәарҭахаша ыҟоуп. Урҭ чыссгьы шәхы иашәырхәалоит.
6- Урҭ ахәылбыҽха рхыбрахь иааганы, ашьыжь рҳәырҭақәа рахь ианкашәцо
ҽакала гәахәак алышәхуеит.
7- Арҭ арахәқәа, шәара џьабаала ҭыԥк ашҟа инажәгаша шәеиадарақәа
еиҭаргоит. Ҳәарада, шәынцәа кырӡа дҟәымшәышәуп, кырӡагьы
дрыцҳашьаҩуп.
8- Шәрықәтәарц, насгьы рыԥшӡара шәгәы иахәарц азы аҽқәеи, агәыжьқәеи,
аҽадақәеи ишеит. Уи ишахьеит шәара ишәзымдыруа акыр, макьана иагьа
ишараны дыҟоуп.
9- Амҩа иаша зтәу Аллаҳ иоуп. Амҩа иаша шыҟоу еиԥш, ихәахәоу амҩагьы
ыҟоуп. Аллаҳ игәаԥхандаз зегьы амҩа иашахь шәкылигон.
10- Ажәҩан аҟынтә аӡы шәзылазышьҭуа уи иоуп. Уи, шәхазы аӡыржәтә
шыҟоугьы, шәырахәқәа злашәырҳәыша аҵиаақәагьы убри ала иеизҳауеит.

11- Аллаҳ, убри аӡала, шәара шәзы, аҵиаақәеи, азеҭынҭрақәеи, ахәырмаҭрақәеи,
аӡахәаҭрақәеи, иеиуеиԥшым ашәырқәеи иеизирҳауеит. Абри аҟны ихәыцуа
жәларык рзы кырзҵазкуа аҵатәхәқәа ыҟоуп.
12- Уи, аҵхи амши, амреи амзеи шәмаҵура иазикит; аеҵәақәагьы зегьы иара
идҵала иныҟәоит. Абри аҟны зыхшыҩ зхы иазырхәауа жәларык рзы
кырзҵазкуа аҵатәхәқәа ыҟоуп.
13- Шәара шәзы иеиуеиԥшым аԥшшәқәа рыманы адгьыл аҟынтә изызҳауа
ашәҭқәа ишеит, убарҭ рҟынгьы ихәыцуа жәларык рзы идуӡӡоу аҵатәхәқәа
ыҟоуп.
14- Зжьы шәфо (аԥсыӡ), ишәыҟәнышәҵо (абырлашқәа) ҭыжәгарц азы амшын
шәмаҵура иазызкызгьы Иара иоуп. Аӷбақәа амшын аҟны аӡы наҟ-ааҟ еиҩшаны
ишцо жәбоит, абригьы уи иаҭәашьара шәаҵанакырц, насгьы иара
шәихаҭабурц азыҳәан ауп.
15- Шәарҭ шәамырхыџхыџырц азы, адгьыл ашьаҟақәа (ашьхақәа) аирсит;
шәхырхарҭақәагьы шәыԥшааларц азы аӡиасқәеи амҩақәеи шәзаԥиҵеит.
16- Шәымҩа аԥшааразы уи еиԥш иагьа дыргақәа шәзыҟаиҵеит; урҭ, аеҵәақәа
рылагьы рымҩа рыԥшаауеит, рхырхарҭа ылырхуеит.
17- Ус анакәха, абас шәназхәыц; изшази (Аллаҳ), акымзарак ззымшази
(аныхабаҟақәа) иеиԥшхома? Абыржәгьы шәазымхәыцӡои?
18- Аллаҳ иаҭәашьарақәа иагьа ишәыԥхьаӡаргьы шәзахьӡарым. Аллаҳ
иҵабыргыҵәҟьаны кырӡа данажьҩуп, даараӡа дрыцҳашьаҩуп.
19- Аллаҳ ишәмырзогьы ишәырзогьы идыруеит.
20- Урҭ зымҵахырхәақәо акымзарак рызшаӡом Аллаҳ ида. Избанзар дара
рхаҭақәа ишоу роуп.
21- Урҭ ибзоу ракәӡам, иԥсқәоу роуп; еиҭах ианыбзахашагьы рыздыруам.
22- Шәара шәынцәа иаӡәу иоуп. Нарцәы азхазымҵо ракәзар, урҭ рыгәқәа мапкра
иазкуп; рхаҭақәагьы рыҽхарззаланы иныҟәо роуп.
23- Хымԥада, Аллаҳ урҭ ирзогьы идмырзогьы идыруеит. Уи, аҽхарззалаҩцәа бзиа
ибаӡом.
24- Урҭ, «Шәынцәа илбааигазеи?» ҳәа ианразҵаалак: «Уи – ажәытәтәи
ажәларқәа рлакәқәа роуп!» ҳәа аҭак ҟарҵоит.
25- Аҵыхәтәаны, акаамеҭ амш аҽны дара ргәырԥсақәа инагӡаны ишрыдло еиԥш,
амдырра ала имҩахырҟьаз ауаа ргәырԥсақәа рҟынтәгьы хәҭак рыдлараны
иҟоуп. Ииашаҵәҟьаны, шаҟа аидара бааԥсузеи урҭ изҵало!
26- Урҭ раԥхьа имҩасқәазгьы ашьацҳәақәа ықәдыргылахьан, аха Аллаҳ урҭ
рыргыларҭақәа руасхырқәа рҟынтә иҵжәаны, рхыбқәагьы рхы иҭаирԥеит.
Ари агәаҟрақәа, урҭ зынӡа ргәы ахьазымҩоз аганала ирзааит.

27- Нас, акаамеҭ амш аҽны, Аллаҳгьы урҭ ахьымӡӷ дырганы абас реиҳәашт:
«Иабаҟоу зымшала азхаҵаҩцәа аиӷара ззыжәуаз сываҟәылаҩцәа?!» Адырра
зауз ауаа абас рҳәоит: «Иахьа, ахьымӡӷи ацәгьареи, ҳәарада, мапкыҩцәа
ирызкуп!»
28- Амаалықьцәа, азхамҵаҩцәа рнапала рхы шдыргәаҟуа рыԥсқәа рхырхуеит.
Урҭгьы агәаҟра анырбалак: «Ҳара иарбанзаалак цәгьарак ҟаҳамҵеит» ҳәа
рхы ларҟәны рнапқәа иҩахоит. «Мап! Аллаҳ иҟашәҵақәаз ибзиаӡаны
идыруеит!»
29- «Ус анакәха, зыҩныҵҟа наунагӡа шәахьҭынхаша џьаҳаным агәашәқәа
рҟынтә шәҭал! Аҽхарззалаҩцәа рҵыхәтәа шаҟа ицәгьозеи!»
30- Аллаҳ иҿагылара зҽацәызыхьчаз: «Шәынцәа илбааигазеи?» ҳәа ианразҵаалак:
«Абзиара ҳзылбааигеит!» рҳәоит. Абри адунеи аҟны абзиара ҟазҵаз, алҵшәа
бзиа рԥеиԥшуп. Нарцәытәи атәыла акәзар, еиҳагьы ибзиоуп. Аллаҳ
иҿагылара зҽацәызыхьчаз ртәыла шаҟа иԥшӡоузеи!»
31- Иахьҭалаз аҭыԥ, зыҵаҟа аӡиасқәа ахьлеиуа аднтәи џьанаҭқәа роуп; урҭ
уаҟа иаарҭаху ирқәиҭуп. Аллаҳ азхаҵаҩцәа абас аҳамҭа раҭәеишьоит.
32- Урҭ ауаа, амаалықьцәа имыргәаҟкәа рыԥсы рхыхны: «Абзиара шәымаз;
шәхымҩаԥгашьа иалҵшәаны џьанаҭ шәҭал!» ҳәа ззырҳәаша ауаа роуп.
33- Уи мапкыҩцәа, амаалықьцәа рызнеиреи, анцәа идҵа рызнеиреи рыда даҽакы
иазыԥшума? Урҭ раԥхьатәиқәагьы абас акәын рхы шымҩаԥыргоз. Аллаҳ урҭ
ирыхәҭамкәа дырзымныҟәеит, амала рхаҭақәа рхы дыргәаҟит.
34- Аҵыхәтәан, рыцәгьарақәа еиҭах дара ирыхьӡеит, аҵәы злырхуазгьы иааины
урҭ инарыкәшеит.
35- Аллаҳ иваҟәылара аԥшьгаҩцәа убас рҳәеит: «Аллаҳ иҭаххандаз,
ҳхаҭақәагьы ҳазхылҵызгьы иара ида даҽаӡәы ҳимҵахырхәомызт. Уи идҵа
ыҟамкәа
акымзаракгьы
иақәнамганы
иаҳзыԥхьаӡарымызт!»
Урҭ
раԥхьатәиқәагьы абас ауп рхы шымҩаԥыргоз. Аԥааимбарцәа рыдҵа, рнапы
иану иаартны аиҭаҳәарада уаҳа даҽакы акәӡам.
36- Ииашаҵәҟьаны ҳара, жәларыцыԥхьаӡа: «Аллаҳ шәимҵахырхәа, ирҩашьоу
анцәахәқәа
шәҽырцәышәыхьча»
ҳәа
разҳәаша
цҳаражәҳәаҩык
дырзынаҳашьҭит. Урҭ рыхәҭак, Аллаҳ амҩа иашахь икылигеит, рыхәҭак
ракәзар, амҩахҟьара рлахьынҵахеит. Адгьылтәыла шәнакәшаны, ииашоу
адин мап ацәызкыз рҵыхәтәа зеиԥшрахаз шәнахәаԥш!
37- (Уа сԥааимбар!) Уара, урҭ амҩа иашахь рхы дырхарц гәыкала иуҭаххаргьы,
Аллаҳ имҩахиҟьаз ауаҩы, аӡәгьы алашарахь дизкылгом. Урҭ зынӡа
ацхырааҩцәагьы роуӡом.

38- Урҭ, иԥсхьоу аӡәы ирбзара Аллаҳ ишилымшо ҳәа ӷәӷәала иқәхьеит. Мап! Ари
Аллаҳ ҷыдала ихахьы иигаз иажәа ауп, аха ауааԥсыра реиҳараҩык
ирыздыруам.
39- Аллаҳ убри амшала, гәыҩбарас ирымоу рзеиҭаҳәаны, мапкыҩцәа
ишымцҳәаҩцәоу рхаҭақәа иеилыркаарц азы (рыԥсы рхеиҵоит).
40- Ҳара, акы ҟаларц анаҳҭаххалак, ҳажәа: «Уҟала!» аҳәара мацароуп. Иаразнак
иааҟалоит.
41- Агәаҟра изықәшәаз ашьҭахь, рҭыԥқәа ирхыҵны ахҵәарагьы иақәшәаз
ауааԥсыра ракәзар, урҭ, абри адунеи аҟны хымԥада ҭыԥ ԥшӡак аҟны
инҳархоит. Амала ирдыруандаз, нарцәытәи рҳамҭа, еиҳагьы ишеиӷьхо!
42- Урҭ ауадаҩрақәа чҳаны, Анцәа иқәгәыӷыз ауаа роуп.
43- Уара уаԥхьагьы, ҳажәаԥҟарақәа зыҵаҳҳәақәаз рыда аӡәгьы ԥааимбарс
днаҳмышьҭӡеит. Ишәзымдыруазар, адырра змоу шәразҵаа.
44- Урҭ, иаарту аршаҳаҭгақәеи иԥшьоу аҩырақәеи рыла инаҳашьҭит.
Ауааԥсыра ирзынаҳашьҭыз рзеиҭауҳәарц, насгьы иазхәыцны иеилыркаарц
азы, абри ашәҟәы узылбааҳгеит.
45- Уажәы, ацәгьаршра иаҿу ауаа, Аллаҳ урҭ адгьыл аҵа ишыҵаимыргыло,
мамзаргьы зынӡа иахьазыԥшым ала гәаҟрак ишақәимыршәо ҳәа агәыӷра
рымоума?
46- Мамзаргьы, рҽырԥагьа ишыҟоу, Аллаҳ иаалырҟьаны иақәикрым ҳәа
игәыӷуама? Урҭ, абри аҩыза аус аанкылшьа рымаӡам.
47- Мамзаргьы, ргәы ашәарҭа аҵаҵаны ашьшьыҳәа ирыгырхо, Аллаҳ ахьырхәра
ишақәимыршәо ала агәыӷра рымоума? Ҳәарада, шәара шәынцәа, кырӡа
дгәыбзыӷуп, кырӡагьы дрыцҳашьаҩуп.
48- Аллаҳ ишамҭақәа рымбаӡои? Урҭ, рышәшьырақәа Аллаҳ идҵа аҿаԥхьа
ихырхәаны арӷьарахьи армарахьи инаҳәы-ааҳәуа, рҽырмашьцаны асаара
рыҽкарыжьуеит.
49- Ажәҩанқәеи адгьыли рыҟны ԥсы зханы иҟоу зегьы, насгьы амаалықьцәа, рхы
иахԥагьамкәа Аллаҳ иҿаԥхьа асаара ихырхәоит.
50- Урҭ, зегьы раасҭа иҳаракӡоу Рынцәа ицәшәоит, ирыдҵоу нарыгӡоит.
51- Аллаҳ урҭ убас рыдиҵеит: «Ҩ-нцәак шәыдшәымкылан. Ижәдыруазааит,
Анцәа даӡәуп. Ус анакәха, сара мацара шәсыцәшәа!»
52- Ажәҩанқәеи адгьыли рыҟны иҟоу зегьы Иара итәуп. Хьаҳәа-ԥаҳәада уи
мацара иҳәатәы хаҵатәуп. Жәҩантәылақәагьы уи иҳәатәхаҵарала
ишьақәгылоуп. Абас ишыҟоугьы, Аллаҳ ида даҽаӡәы шәицәшәоума?
53- Ишәымоу абзиарақәа зегьы Аллаҳ иҟынтә ауп. Уи адагьы гәаҟрак
шәанақәшәалакгьы, шәзыҳәо иара мацара иоуп.

54- Амала, Аллаҳ агәаҟра шәанацәихьчалак, шәыбжьара ԥыҭҩык, иаразнак уи
иваҟәылара аԥшьгара рҽазыркуеит.
55- Усҟан, дара ираҭәаҳшьақәаз ачарҳәара рзыруеит. Ус анакәха, макьаназы
ишәфала-ишәыжәла; амала абарҭқәа закәу лассы еилышәкаараны шәыҟоуп.
56- Урҭ ираҭәаҳшьақәаз рҟынтә, изызку рхаҭақәагьы ирзымдыруа
(аныхабаҟақәа ирызкны) рыхәҭаа рзалырхуеит. Аллаҳиныс, абри
иаԥшьыжәгақәаз рымшала, хымԥада шәҿахәы шәҿырхраны шәыҟоуп.
57- Урҭ, (Ҟалаша змам ала): «Аҭыԥҳацәа Аллаҳ итәуп» рҳәоит.
Иргәаԥхақәазгьы (аԥацәа) рхы иақәнадыргоит.
58- Урҭ рыбжьара аӡәы, хшараны аҭыԥҳа гәырӷьаҽҳәашас данрырҭалак, ргәы
ԥжәаны рхаҿы еиқәаҵәаӡа иҟалоит.
59- Абри агәырӷьаҽҳәаша (дара ртәала) иахьыцәгьоу азы, ауаа рҟынтә
ирҵәахуеит. Ужәы иҟаиҵари? Дара ртәала изықәшәаз ахьымӡӷ чҳаны, уи
арыцҳа дааныркыларыма, мамзаргьы анышә дарҭарыма? Шәахәаԥши (аԥеи
аԥҳаи реилыхрала), рыӡбареи рҵаси шаҟа ицәгьоу!
60- Ахьыӡ цәгьақәа ахҵара нарцәы азхазымҵо ауаа ирҟазшьоуп. Аллаҳ иакәзар,
иреиҳаӡоу ахьыӡқәа иқәнагоуп. Уи дҳаракӡоуп, амчраҵәҟьа иақәиҭу иоуп,
дҟәыӷаӡоуп, ахьӡ-аԥша змоу иоуп.
61- Аллаҳ ауааԥсыра, рықәнамгақәа рзы иаразнак ахьырхәра иақәиршәозҭгьы,
адгьылтәылаҟны ԥсы зхоу ҳәа акагьы аанижьуамызт. Урҭ ҽҳәарак аҟынӡа
араӡара риҭоит. Аха, ирзыԥҵәоу аамҭа анааилак, аамҭацкгьы ирзахырԥом,
иагьырзааигәатәуам.
62- Иргәамԥхақәо, рхы иақәнадмыргақәо зегьы Аллаҳ ихарартәуеит. Иреиӷьӡоу
алҵшәақәа дара ирыбзоуроушәа амцҳәара иаҿуп. Ҳәарада, урҭ рзы иҟоу амца
мацароуп, уахь иагьалажьхоит.
63- Аллаҳиныс, уара уаԥхьагьы иеиуеиԥшым ажәларқәа ацҳаражәҳәаҩцәа
рзынаҳашьҭит; амала, аҩысҭаа уи ажәларқәа иҟарҵаз аусқәа
(иазхамҵаҩцәахарц азы) ирԥшӡеит. Уи аҩсҭаа, иахьагьы убас иҟоу ауаа
хылаԥшҩыс дрымоуп. Аха урҭ рзы игәыҭҟьагоу гәаҟрак ыҟоуп.
64- Абри ашәҟәы, азхаҵаҩцәа аҽеиҩшара иахьақәшәаз азҵаарақәа рзеиҭоуҳәарц
азы, насгьы иазхаҵаҩцәоу жәларык рзы мҩақәҵаганы, илԥханы иҟалааит ҳәа
иузылбааҳгеит.
65- Аллаҳ, ажәҩан аҟынтә аӡы лбаашьҭны, уи ала иԥсхьоу адгьыл аԥсы
ахаиҵоит. Ҳәарада, абри аҟны аӡырҩышьа здыруа жәларык рзы иаарту
аҵатәхәы ыҟоуп.
66- Ҳәарада, ахш змышәхуа арахәқәа рҟынгьы, шәара шәзы аҵатәхә ду ыҟоуп.
Ҳара урҭ, ркьатеии ршьеи рыбжьара иҟоу ирылхны, мариала илбаажәдо ахш
цқьа шәҳаржәуеит.

67- Ахәырмаҵлақәеи аӡахәақәеи раалыҵқәа рҟынтә арыжәтәи, ибзиоу
афаҭәқәеи рылшәхуеит. Абри аҟны зыхшыҩ зхы иазырхәо ауаа рзы иаарту
аршаҳаҭга ыҟоуп.
68- Нас, унцәа ашьхыц абас аҵеиҳәеит: «Ашьхақәа рҟыны, аҵлақәа рҟыны,
ауааԥсыра идыргыло ақьалақәа рҟыны ахыбрақәа ылх.
69- Насгьы иеиуеиԥшым ашәырқәа рҟынтә ифала; Анцәа иузаԥиҵаз азакәанқәа
урықәныҟәаны, уи иузалихыз амҩала уцала!» Урҭ рыҩныҵҟа рҟынтә
иеиуеиԥшым аԥштәықәа змоу ацха ылх. Уи, ауааԥсыра ргәабзиаразы
ихәарҭоуп. Абри аҟынгьы ихәыцуа жәларык рзы иаарту ршаҳаҭгак ыҟоуп.
70- Шәарҭ Аллаҳ шәишеит, нас шәыԥсы шәхихраны дыҟоуп. Шәыбжьара, зегьы
шырдыруагьы уаҳа акгьы рзымдыруа иажәны, неихыркәа рымамкәа иҟалаанӡа
аԥсынҵыра ду зиҭашагьы ҟалашт. Ҳәарада, Аллаҳ адырреи амчреи
дрықәиҭуп.
71- Аллаҳ, шәыбжьара ԥыҭҩык, еиҳа аразҟы раҭәеишьеит. Абас меигӡарахда
аразҟы заҭәашьақәоу, урҭ, рнапаҵаҟа иҟоу ауаагьы ирызшаны, еиҟарахар
рҭахым. Абас ишыҟоугьы, Аллаҳ ириҭаз аразҟы мап ацәыркуама?
72- Аллаҳ, шәарҭ ишәеиԥшу ахатәҩызцәа ишеит, шәхатәҩызцәа рҟынтәгьы
шәара шәзы аԥацәеи амоҭацәеи ишеит; насгьы ицқьоу афатәқәа
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 15
  • Части
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 01
    Общее количество слов 3445
    Общее количество уникальных слов составляет 1826
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 02
    Общее количество слов 3446
    Общее количество уникальных слов составляет 1788
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 03
    Общее количество слов 3521
    Общее количество уникальных слов составляет 1793
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 04
    Общее количество слов 3395
    Общее количество уникальных слов составляет 1815
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 05
    Общее количество слов 3366
    Общее количество уникальных слов составляет 1796
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 06
    Общее количество слов 3438
    Общее количество уникальных слов составляет 1696
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 07
    Общее количество слов 3457
    Общее количество уникальных слов составляет 1701
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 08
    Общее количество слов 3383
    Общее количество уникальных слов составляет 1714
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 09
    Общее количество слов 3401
    Общее количество уникальных слов составляет 1813
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 10
    Общее количество слов 3332
    Общее количество уникальных слов составляет 1638
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 11
    Общее количество слов 3382
    Общее количество уникальных слов составляет 1766
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 12
    Общее количество слов 3489
    Общее количество уникальных слов составляет 1750
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 13
    Общее количество слов 3521
    Общее количество уникальных слов составляет 1844
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 14
    Общее количество слов 3464
    Общее количество уникальных слов составляет 1725
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 15
    Общее количество слов 3433
    Общее количество уникальных слов составляет 1778
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 16
    Общее количество слов 3540
    Общее количество уникальных слов составляет 1858
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 17
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 1861
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 18
    Общее количество слов 3453
    Общее количество уникальных слов составляет 1714
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 19
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 1743
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 20
    Общее количество слов 3491
    Общее количество уникальных слов составляет 1710
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 21
    Общее количество слов 3456
    Общее количество уникальных слов составляет 1616
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 22
    Общее количество слов 3450
    Общее количество уникальных слов составляет 1744
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 23
    Общее количество слов 3475
    Общее количество уникальных слов составляет 1751
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 24
    Общее количество слов 3490
    Общее количество уникальных слов составляет 1693
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 25
    Общее количество слов 3437
    Общее количество уникальных слов составляет 1707
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 26
    Общее количество слов 3408
    Общее количество уникальных слов составляет 1731
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 27
    Общее количество слов 3446
    Общее количество уникальных слов составляет 1766
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 28
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 1652
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 29
    Общее количество слов 3391
    Общее количество уникальных слов составляет 1715
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 30
    Общее количество слов 3549
    Общее количество уникальных слов составляет 1790
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 31
    Общее количество слов 3352
    Общее количество уникальных слов составляет 1726
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аҟәырҟан. Аҵакы аԥсышәала - 32
    Общее количество слов 531
    Общее количество уникальных слов составляет 374