Latin

Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 09

Общее количество слов 3296
Общее количество уникальных слов составляет 2328
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
суа текст, уи иацуп урыс бызшәалеи ҭырқәшәалеи иеи­
ҭагоу атекстқәа. Аҭыжьымҭа иацуп аԥсуа сахьаҭыхҩы
ҟаза Руслан Габлиа иҭыхымҭа ҟаимаҭқәа. Ашәҟәы редакторс дамоуп апоет ҿа Алина Жьиԥҳа.
Апоема аазыртуа аԥхьажәаҿ уи илыҩуеит:
«Семра» - баша поемам, уи – ианыӡааз аубых жәлар
ҳарҭ аԥсуаа ирзаҳкыз хьыӡрашәоуп, гәаҟшәоуп, уазуп.
Иара злаҩу ажәақәа зегь ԥшьоуп, иҩуп зыԥсы ҭоу апоезиа ажәала – убри алагьы прозала иҩу иаԥнагоит. Аамҭа
цацыԥхьаӡа, зыԥсы ҭоу зегьы рыҽшырыԥсахуа еиԥш
аҽаԥсахлоит иаргьы, есааира рыҽцәырыргалоит уи иаҵоу
аҵакқәа. Ҳнаҩс иааиуа абиԥарақәа зышьҭало аҭакқәа
иараҿы ирыԥшаалоит.
Ари аҩыза апоема узхәыцӡом. Абас ахы инаркны
аҵыхәанӡа лаӷырӡыла иҭәу аҩымҭа ухы иузыҭҳәааӡом –
угәаҿы иумаҳауазар зықьҩыла иргәаҟыз ҳашьцәа рыҳә­
ҳәабжьқәа, урҭ рхьаа ухьаамзар. Рушьбеи Смыр иаҳауан…
Иара далхын урҭ рыгәжәажәара аҩразы – ҳара зегьы
иҳаҳарц. Иагьҳаҳаит. Акгьы хәыцӡам, зегь иҟа­ҵәҟьаз
ҳҭоурых ауп, дышхәыцым еиԥш апоема аха­ҭа зыхь­
ӡын­ҩылоу аубых хылҵшьҭра Семра. Апоети лареи реи­
қәшәара ҟалеит 1993 шықәсазы. Смыр… Семра… Еихаршалоуп. Сара агәра згоит, аиқәшәарақәа шмашәырым».
Ҳмилаҭ театр асценаҿ қәҿиарала ицоит «Семра»
иалху аспектакль, М. Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа.
***
Аԥхьаҩ изыҳәа шьҭа еилкаауп апоема зызку,
изыхь­ӡынҩылоу, Аԥсны Амраҭашәаратәи Кавказ ҭа­зыр­
цәыз атрагедиа – амҳаџьырра шакәу. Цәаҳәа хыԥ­хьа­
ӡаралагь быжьшәы-аашәы иреиҳам, апоемақәа рзыҳәа

ибжьаратәуп. Араҟа аус злоу ацәаҳәа хыԥхьаӡара ауакә­ху:
иҳәоу шҳәоу, арҿиамҭа асиужет, уи апоетика шцәыр­гоу,
аԥхьаҩ ишизнагоу.
Апоема ҳәаақәнаҵоит амонологтә форма, ахҭыс
еиҭаҳәара цоит актәи ахаҿала, аепикаҿ еиҳа аҭыԥ змоу
ахԥатәи ахаҿы аасҭа. Дыхҭысеиҭаҳәаҩуп автор ихаҭа.
Апоезиаҿ – аепикатә ԥҵамҭақәа рҟны, сара иа­
хьынӡаздыруа, аханатә имаҷуп актәи ахаҿала иаԥҵоу
арҿиамҭақәа. Убарҭ иреиуоуп, аурыс поет ду, аурыс гени
М. Лермонтов иаԥҵамҭа «Мцири», англыз поезиа агени
Џь. Баирон иҿы – иеицырдыруа уи ишедевр «Шилонтәи
атҟәа» анемец поезиаҿ Г. Геине исатиратә поема «Германиа», ҳара ҳҟны Д. Гәлиа иепикатә рҿиамҭа «Сара
схәышҭаара» уҳәа егьырҭгьы.
Хаҭала сара сышқәыԥшыз ари аформа, ас аиԥш ала
аҳәатә ацәыргашьа ӷәӷәала иснырит, исызгәакьахеит,
сыгәҭыхаҳәараҿ еиҳа исыцхраауазшәа збеит. Убри азы
ауп сепикатә ҩымҭақәа «Ахьтәы уасцәа», «Аџьынџь»,
«Ашаеҵәа» раԥҵараан абри аформахь – актәи ахаҿала
ахҭыс аарԥшра хархәара зазызуз.
Убри аҟнытә ҟаимаҭла еилыскаауеит ҳаԥсуа епикатә
поезиаҿ шамахамзар ҽаџьара иуԥымло абри аҩышьа
Р. Смыр изаликааз, дзазааиз. Абаҩхатәра ҟаимаҭ змоу
апоет идырит иҳәатәы, иаарԥштәы, иуазажәа даҽакала
аарԥшра шамуаз, ахԥатәи ахаҿалатәи ацәажәарахь аиагара ишаҭыԥмыз. Уи длирикатә поетуп, абраҟагьы дышлирику даанхоит ипоема зегьы аҿы.
«Семра» - ари иара аҩымҭа ахаҭа зыхьӡынҩылоу
лацәажәара, асиужет лалархәра иаформоуп, автор убри
ала ирҿиамҭа аҵабырг еиҳагьы ишьҭихуеит, аҭоурыхтә,
адокументалтә ҟазшьа аиҭоит.
Апоет имариам иқәыԥсычҳара, иажәа ҵаула, иԥхьаз
жәлар рҳақ хацыркуп абас аиԥш иҟоу ритмла, шәагазагала:

Хара исхысхьаз сыпҟа ҟьала,
Изымбац – бара.
Бара – исыцыршьуаз аамҭала,
Исыцгылоз, Семра.
Зыга, зышьха зегь еҭыму,
Иззыԥшу, бара.
Бара – зыдгьылаҿ итәыму,
Сымаалықь, Семра.
Зиеҵә караӡа аҭахамҭа
Дыдрахаз, бара.
Бара – сҟәыбҷа,сыԥсы атәарҭа,
Бара – суаз, Семра.
Сгәы абжак амҟьахт, еиқәхарымашь?..
Исҟәыԥсаахт сыхәҭак.
Маҷӡак цәырго исызҳәарымашь,
Бзызҵаақәаз рҭак?..
Акы ушашьҭоу даҽак бжьаӡлоит,
Иузмырҭәыз – ҭацәуп.
Жәак иахылҿиааз жәак инацлоит,
Зегь сҭоурых иатәуп.
Аӡы иашьызгьы иԥсы анҭырго,
Аҳаҭа арбатәуп.
Узырдысуа, зыгәра узымго –
Зегь сҭоурых иатәуп.

Ҳахәаԥшып ари аҭыԥ аурыс еиҭагамҭаҿ
Ты – журавль над головою,
Не видал такой.

Аԥсуаа ирҳәоит «азна каҭәаны азна узышьҭыхуам»
ҳәа. Аха араҟа аиҭагаҩ ҟаза ишьҭылхыз, илнырыз, илмыр­
ӡыз (мамзаргьы иԥхасҭалымтәыз, илым­ҟәы­ҵымш­шаз!)
даара ирацәоушәа збоит, ас аиԥш наҟ-ааҟ абаҩхатәрақәа
рышьҭеибахра, гәыла-ԥсылатәи реи­баԥшаара аиҭагара ус
аҿы лассы-лассы иуԥыло ак акәым, иуарлашәарлатәуп.

Иқәгылоит азҵаара зыхьӡ ахара инаҩыз, бызшәа
рацәа рахь иеиҭагоу Баграт ду ироман «Ацынҵәарах»
(1974 ш.) ашьҭахь игәаӷьыуацәаӡамыз аубыхаа ртема ҩаԥ­
хьа азыгьежьра, ашьҭрақәлара? Насгьы даараӡак иаҭахны
иҟазма ари аус? Алитература аҭоурых ари азҵаара аҭак
ҟанаҵоит, иаҭахуп иамҩаны, иахәҭаны ианыҟоу аамҭазы,
ирҳәахьоу, ирыҩхьоу уара иутәу цахак анузацҵо аамҭазы.
Кьахь Ҳаџьараҭ ихҳәаау Б. Шьынқәба иажәеинраалоу ироман «Ахра ашәа» ашьҭахь, ашәҟәыҩҩы Ан. Возба абри
атемала иаԥиҵоит ари афыр­хаҵа изку аповет ҟаимаҭ. Б.
Шьынқәба ԥсра зқәым иаԥ­ҵамҭа «Амҳаџьырраа ргара­
шәа» анаҩсан заҟа ҩымҭа цәырҵызеи, ма ицәырҵраны
иҟоу­зеи амҳаџьырра атемала!
Аубыхаа рыӡбахә, рлахьынҵа хьанҭа атема ари Кавказ иалҵыз ашәҟәыҩҩцәа иахьагьы уаҵәгьы иззыгьежь­
уа ак ауп.
Баграт ироман анцәырҵ ашьҭахь, хышықәса ааҵ­
уаны (1977) урыс бызшәала адунеи абоит аубыхаа ирызку
Михаил Лоховицки (Аџьук Гиреи) ироман «Громовый гул».
Лоховицки ихаҭа едыгь хылҵшьҭроуп, урыс бызшәала
иҩуаз аӡә иакәын. Аубыхаа ирызку ари иаԥҵамҭа, Нхыҵ
ашьхарыуаа рыбжьара, убас Урыстәыла ахәҳаракшьара
аиуит, изныкымкәагь иҭрыжьхьеит, Шьынқәба ироман
иа­вадыргылоит.
Злахьынҵа мариам, ашәарҭара иҭагылоу ажәлар­
қәа рышәҟәыҩҩцәа, убас адоуҳа ҳарак ныҟәызго ауаа,
арҿиаҩцәа, аҵарауаа аубыхаа руаӷеимшхаратә ҭоурых
иазымгьежьлар ауам, ирҳәахьоу, ирыҩхьоу ак ацҵаны.
Абри агәхьаа ауп, сара стәала, Рушьбеи Смыр игәа­
лашәарақәа, иеиԥхьхәыцрақәа абри апоемахь, хаҭала зны
иидырхьаз, иубыхшьҭроу Семра лышҟа дхьазырԥшыз,
аԥ­суаа имцаха иҳацроу аубыхцәа рлахьынҵа ашҟа
игәырҩажәа зирхаз.
Даараӡа ирацәоуп апоет зшәагаа дуум ипоема иҭеи­
гӡаз, ҽыҭ-ҽыҭ, сахьа-сахьа ицәыригаз, ак аҵкыс ак хьан­ҭа­­ны,

Ты – убитая со мною,
Жизни стебель мой.
Ждет простор родного края,
Прилететь пора.
Ты – земле своей чужая,
Ангел мой, Семра!
Ты – звезда в руке созвездья,
Взорвалась вчера,
Мой покой, душа и песня,
Горькая – Семра!
В сердце – дым, спасаться нечем,
Середины нет,
Что словам твоим – отвечу,
Хору долгих бед?
Что не вспомнишь – то растает
Горсткой слов пустых,
Слово за слово – сплетает
Повесть дней былых.
…Дух утопленника люди
В бурдюке несут…
Не пустеет, не убудет
Дней былых сосуд.

зны алегендатә жанр ахыԥша змоу ахҭысқәа рыла, даҽаз­
ны жәлар ргәаҟра, рықәԥара, рыхҵәара-раныӡаара иҟаз
шыҟаз ала иаазырԥшуа аҭыԥқәа рыла. Аҩымҭа афырхаҵа,
автор ихаҭа, дзыхцәажәо арыцҳарақәа, ауа­ӷеимшхара­қәа
ахьымҩаԥысыз зегьы шаҳаҭс дрымоуп, дрылахәуп:
Сыццышәқәа ҭаԥсоуп Ҷарыхәгьы,
Қәҭашь агәҭа икаԥсоуп.
Ирзаҿымгаӡазт Марыхәгьы,
Иаҿаԥсыз сыԥсоуп.
Уа Лашԥси Анԥси сыргәаҟны,
Сышьҭақәа рҟны сшьуп.
Аршәаҳәымҩа исы бираҟны
Сыԥсы хьшәашәа хшьуп.
Уахь Ҟәыбинаҟа амҩа сықәын,
Аха хык схьыгӡоуп.
Анышә саҭоуп Лаба ахықәан,
Зегьы акоуп - сыбзоуп.
***
Џьыбга схаҳәҳәон сара ақәашьда,
Ҩардан-дәы сџьабон.
Ԥсыжҩык сишьҭан Абазашҭа,
Ҟабарда - сшьабон.
Сҭахахьан Ҵабал сахьықәԥоз,
Сахәаҽхьан Кәыдры.
Сырбылхьан џьоук Дал санырбоз,
Салаԥсан Егры.
***
Иҟалон ҳаԥсадгьыл нышәны,
Ҳаикәаҭәы ҳзааӡаз.

Зны слабжышны, зны сыццышәны
Сахьыгӡан Кавказ.
Гарашәак џьара игаӡомызт,
Ҳашҭақәа зегь хәын.
Адунеиаҿ сҭыԥ збаӡомызт,
Сахьцалак - смыцхәын.
***
Уаҟа Қьефқьан сызлаԥшызеи?!
Са сеинҟьоит, сеинԥоит.
Еҳ, абраҟагь иаҳзыԥшызи?
Избаз еицәа збоит.
Ԥҟызрак, нас ҳаԥы лашьцакгьы,
Уа аҳәсақәа рыхцәқәа...
Анаҟа-араҟа ԥсыбаҩқәакгьы
Еикәыршоуп рнапқәа.
«Амҩа иқәу иԥа инышәнап» Уа асабицәа жуп.
Зхьаа ианышәаз зегьы ирнышәап,
Рҵәыуара саҿуп.
Уаҟагь адгьыл иара атәала
Иамоуп зегь хәаҽы.
Хаҳәқәак нышьҭасҵоит снапала
Ршьапаҿы, рхаҿы.

Автор дырзааҭгылоит иара убас аидгылара аидеиа,
уи алзмыршоз амзызқәа:
Ҩнык иҩныҵыз, шҭак иҭыҵыз
Иҳабжьаст аԥша…

Џьоук дырҩашьон, ҽа џьоук аархәон,
Иеигӡомызт шьа злаз.
Уахьцалакгьы ҳмаҷра иагхон,
Иџьабон Кавказ.
***
Зажәа ҳааӡаз «ҳхьы бираҟқәа»
Џьоук наскьон рыҽӡа.
Хьҭа мбаӡакәа, имҟьашьӡакәа
Ҳарҭиуан маӡа.
Ирызхәыцуан настәи рҭыԥқәа
«Сыбаҩқәа еиҿышәшәоит.
Еҳ, ачынқәа, еҳ, аԥсымҭәқәа,
Иахьагьы срыцәшәоит!..
***
Адунеи ду аԥшь-ганк рыла
Ҳара ҳахь еихон.
Ҿыц ҳнарԥылахуан гәышԥыла,
Ԥсаатәҵас ҳаӷахон…

Аҩада иаагоу апоема аҭыԥқәа зегь иккаӡа иаҳ­
дыр­боит автор игәжәажәара, уажәшьҭа рҽеишьа змам
арыцҳара, урҭ хашҭра ақәымкәа рсахьа аҭыхра, ажәа сахьарк аԥсы ҭазҵо ашәыгақәа рыла уажәы-уажә рҩычара,
рсахьаркра.
Ари, ҳәарада, апоема злаӷәӷәо аганқәа иреиуоуп,
абаҩхатәра ҳарак, абаҩхатәра ду иатәуп.
Аха абри аамҭазгьы имҳәакәа сзавсуам апоема иацрасуа, «абӷеиҵыхра» азымҭо акы: уи иақәу аидара хьанҭа,
уаӷеимшхарак даҽа уаӷеимшахарак ацҵара, аԥ­хьаҩ ԥсеи­
вгахак имҭара, алегендатә ҟазшьа змоу аҳәам­ҭақәа (иаҳҳәап
амаҭ иазку) амыцхә рыҽрыҭара, урҭ иагьа исахьаркны,
ирԥшӡаны иҳәазаргьы, аметафорахь ирԥшызаргьы.

Ҳәарада, акырџьара апоет убарҭ ашәыгақәа дырны ирџьбароит, иржәпоит, амца рыцреиҵоит аки-аки
еиҭныԥсахло, дызвысшаз, угәы аанызкылаша ырҭбаа­уа –
еиҵыхуа…
Аԥхьаҩ исымаикыр ауеит: ус акәӡамыз усҟантәи
атрагедиатә хҭысқәа рцашьа, реишьҭагылашьа, руаӷеим­
шхаратә нҵәамҭа? Абри агангьы иузамакуа иҟам. Аха
асахьаркыратә литератураҿ иаԥуп убарҭ ауаӷеимшхаратә
хҭысқәагь раарԥшышьатә ԥышәа. Анс аума, арс аума
аԥхьаҩ цәыҵлашарак дахьыԥшуазар ауп. Ус иҟоуп ауа­
ҩытәыҩса иԥсихологиа, игәыӷра, игәаҳәара. Усҟангьы
амра гылон, аеҵә кыдын…
Сара еилыскаауеит ари сгәаанагара измоумкыша ак
акәны ишыҟам, аха исмыҳәаргьы сиашахом.
Изаҟаразаалак абри аҩыза аҽыԥныҳәа ҟасҵом апоема злахыркәшо, зыԥсадгьыл аҿы аҟазаара насыԥс измауз аубых ҭыԥҳа илзырхоу агәырԥшаагатә монолог азы.
Араҟагь апоет дыззааҭгыло игәырҵысыгоу, игәыҭшьаагоу
сахьақәоуп, аха урҭ аҩада зыӡбахә сымоу аган иеиԥшым,
амыцхәрақәа, амцацраҵарақәа ирылгоуп, иреалтәуп, зда
ԥсыхәа амам ала иҳәоуп, ихагалоуп.
Иаазгоит инагӡаны:
Уаҳа ибзымго баҵасҵама?
Ҳа ҳаицхәуп, Семра.
Быдгьыл бнықәыԥшып ҳәа бцама?
Уа слаҳәуп, Семра.
Уаҟа ҿымҭ Ахәын бахума?
Сыхәда хҽуп, Семра.
Жәытә ҳаԥшьак быԥшаарц бҭахума?
Иԥыҽҽуп, Семра.
Быҭҳа рыцҳа быԥшаауама?
Сбыцгәырҩоит, Семра.

Ныхак ԥшәымада ихынҳәуама?
Брыцҳасшьоит, Семра.

Алабжышқәа - асыԥса иацу
Ҿымҭ ирџьабахьеит.

Аԥса хьшәашәа бнахаххызар,
Уи сыԥсала ихуп.
Ҟама жьақцак ыҵыбхызар,
Уи сгәы ашьа аҿашәуп.

Ахәырбгьыц быԥшаар бҭаххама?
Иҵҩаахьоу бзахом.
Бгарашәа ахьынҵәаз бынхама?
Жьақца мҩа уазгом.

Сылабжышқәа еидыбкыларцу?
Урҭ зегь хаҳәхахьеит.
Сыццышәқәагьы быҟәшәаларцу?
Иӡхьеит, иԥшахеит.

Уа мца хчнызак бнықәыҭәҳәарцу?
Иҟам, иҷҷахьеит.
Хнышьырк бажәа нақәыбҳәарцу?
Исыпны ихәашахьеит.

Бгәы аабыжьжьарцу шьанҵа ӡыла?
Рхыҵхырҭақәа еиҩԥоуп.
Уаз гәыҭшьаага лаӷырӡыла
Уаҟа зегь ҭарбоуп.

Ҵәахы-маӡак басасыма?
Изыбымҳәои, Семра?
Гәырҩа хьшәашәа бналаӡыма?
Зҿыбымҭуеи, Семра?

Ацәаҟәақәа хыхь ианхыло,
Бреихырхәа, Семра!
Амаҭ амҩан ианыбԥыло,
Бақәныҳәа, Семра!

Жәытә шәахәа лашак бахьӡама?
Уахь сеихоит, Семра.
Зны иаҳхагылаз жәҩан базцама?
Уахь сыҳәҳәоит: «Семра!..»

Инабхьысыр ԥшак уазыруа,
Баазыԥшы, Семра!
Лак быниозар иҟыу-ҵәыуа,
Иаашьышьы, Семра!

Адунеи ду иамам гәыҵха,
Акгьы абом иара.
Схала сгылоуп сара арыцҳа,
Дыҟаӡам Семра.

Ирызмырҩынтыз урҭгьы ҷыхьгьы –
Ԥсыхәшаҵәҟан, Семра.
Бхәыцра иалаз Аҳәса рӡыхьгьы –
Гәыхәшәыҵәҟан, Семра.
Быбызшәа џьара ибаҳарцу?
Адгьыл иаԥхахьеит.

Рушьбеи Смыр дышҟаза дуу, ипоема «Семра», иааидкыланы уахәаԥшузар, акыр иаԥсаны ҳмилаҭ сахьажәа
иша­ланагалаз абри ацыԥҵәаха мацара алагьы уаҩы
ибарҭоуп.
Иамҩан избоит абраҟа абри аҭыԥ урыс бызшәала­
гьы аагара:

***
Нагрузил – тяжеле камня,
Море слез, Семра.
Ты – отчизну ищешь – там я –
Весь замерз, Семра.
По Ахуну, молча, бродишь?
Все болит, Семра.
Ты кувшин здесь не находишь?
Он – разбит, Семра.
В доме прежнем – ветер дует,
Не забыть, Семра.
Здесь – святилище – пустует,
Не избыть, Семра...
Штык нашла – душой кровавой
Зацепился я.
Ты кинжал находишь ржавый –
Это кровь моя.
Ты со мною – слезы точишь –
Камни среди скал...
Ты собрать мой пепел хочешь?
Темным ветром стал...
Родниками – сердце студишь –
Высохли они...
В песнях – горькую слезу лишь
Зачерпнули дни...
В небе – радугу заметишь,
Поклонись, Семра.
Коль змею в пути приветишь –
Помолись, Семра.

В тишину бежать от ветра –
Не спеши, Семра.
Пса – погладь, утешь приветно –
От души, Семра.
Что – не сгубит хлад вселенский,
То – бальзам, Семра.
Тот родник целящий – Женский –
Чудо – нам, Семра.
Поглотил родные звуки
Земляной погост.
Под лавиной – скрыты муки
Молчаливых слез.
Подорожник – лечит рану...
Прах – не оживет...
К колыбельной – по бурьяну
Путь не приведет...
Угольки – давно остыли,
И очаг – негож.
Надочажную – из пыли –
Цепь – не подберешь...
Ты – у тайны небывалой, –
Говоришь, Семра?
Это – много или – мало?
Что молчишь, Семра?
Догнала ль ты луч последний?
Там – живу, Семра!
В край, что тайны заповедней,
Я зову: «Семра!»

Целый мир – стоит бездушен,
Слеп он до поры...
...Я стою один, не нужен...
Рядом нет – Семры...

Рушьбеи СмЫр

***
Абас иҟоуп, хадарала уахәаԥшуазар, Аԥсны жәлар
рпоет, ҳпоезиа иналукааша ахаҭарнак Рушьбеи Смыр ҳли­
тература аизҳазыӷьараҿтәи илагала, ибаҩхатәра амҽхак.
Уи аханатә ишьапы ӷәӷәаны идгьыл иқәгылан, иаԥсоу,
ихьӡырҳәагоу ҵеины иуаажәлар дрылагылан.
Иахьа аглобалтә процессқәа ирымҽхаку адунеи аҿы,
амассатә культура мцураша аҳра анамоу аамҭазы дацԥашәла зыжәлар ирымадам амилаҭ доуҳа, амилаҭ литература нарха ауам, урҭ аԥшасрақәа ирылаӡҩоит.
Ашәаԥыџьаԥ зегьы ҵлоуп, аха агәаԥшь змоу маҷуп.
Убарҭ агәаԥшь змоу иаԥырҵо, идырҿио роуп ажәлар
рбызшәагьы даргьы еиқәзырхо, милаҭ ҳасабла есааира
ршьапы иқәзыргыло.
Ара зыӡбахә ҳамоу Рушьбеи Смыр иакәзар, иреиӷьу уи
иаԥҵамҭақәа хьтәы махәҭаны аԥсуа поезиа иалагылоуп.
Абас зџьабаа ыҟоу ауаҩԥсы иуаажәлар рҿы, итәыла
анапхгараҿ аханатә аҳаҭыр ду иқәуп, далкаауп, аорден
«Ахьӡ-аԥша» аҩбатәи аҩаӡара иаҭәашьоуп, Аԥсны жәлар
рпоет ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.
Аԥсны ахы-аҵыхәа рымҽхакуп, еицырдыруеит апоет
иашәақәа, урҭ рацәоуп, акы-ҩба ракәым. Иреиӷьқәоу ируакуп еиҳа данқәыԥшыз иаԥиҵаз «Аԥсаратәи абаашқәа»:

Иалкаау
алирика

Абаашқәа хыхь ихыжәжәаргьы,
Адгьыл аҿ рышьҭа аанхоит.
Абаашқәарҿ ахацәа ҭахаргьы,
Рыҵәҩаншьап рыхшара еиқәдырхоит.
Аҟәа, 2019 ш.

***
Еинышәом аӡиаси ахаҳәқәеи,
Аӡы аҵан ахаҳәқәа хәаҽуеит.
Аха илеиуеит аӡиасгьы мхьаҳәкәа,
Ахаҳәқәагь рхаҳәгәы еилашуеит.
Иацакәым, иахьакәым, уаҵәакәым,
Имҩасуеит, аӡы амҩа хароуп.
О, иааҩуа аӡиас абжьакәым, –
Ихәаҽуа ахаҳәқәа рыбжьоуп!..
1978

***
Ақәа леиуеит аҟазшьала,
Иҟаӡам аԥсаа рхабар.
Ацәыкәбарқәа дырхьынҳала
Ажәҩан дхалоит аҩсҭаа, абар.

***
Сгылоуп хыхь, ажәҩан ду салоушәа,
Сыҵаҟа ӡиак аҽаӡоит.
Ӡызлан лыхцәакәны ихыԥсалоушәа
Уа амра ашәахәа қәацқәацоит.

Аха, дгәеиҭан, анцәа дхысит,
Аҩсҭаа дрыцҳаха дышьҭаст.
Ашәаԥыџьаԥ ааилаӡыӡеит,
Арҩаш хыҵәан дымҵанарст.

Сыблақәа рхьымӡаӡо ахрақәа
Саԥхьа нахьхьынӡа инашьҭуп.
Ԥсаатәушәа ихалоит џьара аԥҭақәа,
Ҽаџьара аикеиԥш ихшьуп.

Иаҭахыми шьҭа амра гыларц,
Аԥсабарагь ччоит, иччоит.
Уи дахькаҳаз ифҩы ахымларц
Адгьыл рыцқьо аҩарқәа цоит.

Џьа иҭажьуп асыԥса неимазак,
Хаз арҩашқәа цоит иццакны.
Абраантәи избарҭоуп Аԥсны зегь,
Сгылоуп сара сҳаракны.

1972

Ус, схәыцра бырҿыхоит, о, сылмас,
Ашәакгьы ба бзыҳәа исыӡбоит.
Сыԥар слабашьа насыҵарс
Башҭаҿ слатәашашәа збоит!
1972

***
Аҵых ҭынчмызт, ицон аҵых,
Еилахәмаруан амшын ацыԥхь.
Абаҳча сыҵан са сзаҵәӡа,
Аԥша сҿасуан иҵәыҵәӡа.
Мчыс изырлашо закәи,
Саԥхьа ицәырҵыз аӡыркәи?
Уи аԥша иаҟьон, иаҟьон,
Ганха иаршәуан, иблаҟьон.
Ус изцанда агәаҟра иалҵ,
Аха инылашәт саԥхьа ашьац.
Шьҭа изгыломызт, избон,
Аха иахькаршәызгьы илашон.

***
Аеш ҵыхәабаба, агәыҭҟьа иаганы,
Амахә анҵәамҭахь ицоит еиханы.
Уи иашьҭала инеиуеит, абар, ҽа ешык,
Инеиуеит ишзахәо сахьӡанда ҳәа знык.
Сеидрума ироуз араҟа еимактәыс,
Сеидрума араҟа изыниаз мбатәыс?!
Схала сахьгылоу урҭ сылаԥш рхуп,
Схала сахьгылоу ахәыцра саҿуп:
Иашьҭоу иацәырҳаны иҩеиуеит ишәаз,
Аха иашьҭала инеиуа зыргәаҟуеи абас?
Башаӡа, хыдала, амч канаԥсоит,
Амахә аҵыхәаҿ уи усгьы иахьӡоит...

1972

1973

АҴАН

АԤХЫӠ

Абжьарак срызхәыцуеит сара аҵан,
Ахаан зхаҿсахьак сымбац.
Зҵаарақәак ҭыҩуеит уажә сгәаҵан:
О, мшәан, иабацеи, иабаӡ?

– Арҩаш леиуеит, ахрақәа ирылҟьаны,
Сымч амырхаҵәҟьеит – сшьапқәа сыҵнаҟьоит...
– Уаб иҽыхәеиԥш хаҳәык унақәтәаны
Убжьы нақәургар – нырцәҟа урнагоит!

Ирбозма аԥсабара мчқәа башан,
Рынҵәашьа ма лакәума изтәу?
Ихыҵуазма хышә шықәса иашан
Уаҩ ҟәыӷас иршьоз рабду?

– Алаҳәа сашәиуеит, ажәҩан аҽалакны,
Аџьнышцәа ракәзар, бзанҵык исԥыршәашам...
– Ухәымпал аҿыҩарха, алаҳәа кылкааны,
Ухысшьа гәазҭаз уаҩ умԥынҟа дықәлашам!

Ихалан икарҿартә аҭырас
Усҵәҟьа ихәыҷқәазма дара?
Ахаҳәқәа, ижәдыруеит зегьы-зегь,
Ианбажәгәаӷьуеи ажәак аҳәара?

– Маҭы цәгьак сԥылеит, быжь–хык ахаргыланы,
Хык ахысхыр ҽа хык нахагылахуеит...
– Ахәра инаҿшьы уа кәасҭхак аанкыланы,
Амаҭ ҭахоит, уара унхара уахылахуеит!

Мцоума ианызхыз ма ӡума,
Уаҩ днымхаӡеи иреиуаз зынӡак,
Ҭоурыхла урҭ адгьыл ртәума,
Ахаҳәқәа, ианбасышәҭо рҭак?..

– Аԥшатлакә сыжәлеит, зынӡаск аҽырхаганы,
Имаҷхеит сылшара, шьаҿакгьы снарҟаҵом...
– Ахәышҭаара иныҽҳәаҵа аԥхныга наганы,
Уинахыс аԥша ԥырхагак унаҭаӡом!

Абжьарак срызхәыцуеит сара аҵан,
Акы заҵәык, ааи, агәра згоит:
Аҵангьы ус хьанҭак иаҵан –
Уи шиашоу рбаагәарақәа ирҳәоит!

– Барбан ицәырҵыз абас исызгәакьаны? –
Ашәарҭара салҵит, ашьхарахь цәылашоуп!..
– Са сузымдырӡеи? – дцәажәон дазԥагьаны, –
О, уаҳәшьа сами, уаҳәшьа дааукәыхшоуп!

1973

1974

***
Арбаӷьқәа еиқәҿырҭуеит аҵых агәазы:
- О, ҳаԥшәма рыцҳа шьҭа илхыҵуеит лыԥсы,
Агәылацәа гәыӷуа лыгә баша идырӷәӷәоит,
Аԥсцәаҳа есааира маҷ-маҷ дааигәахоит.

***
Амза аҭәымҭоуп, ашәҭ аптымҭоуп,
Ӡаӡа ҳәымҭоуп, ааи, уаха.
Ашҭа сықәуп, гәырӷьак сҿықәуп,
Аеҵә кыдуп имцаха.

Арбаӷьқәа еиқәҿырҭуеит аҵых агәазы
- Ҳаԥҳәызба дахьааӡаз аанлыжьуеит лассы,
Дахьнарго аџьар еибаргәырӷьо еилоуп,
Лани лаби уажә ацәа хаа иҭоуп.

Аҵых ҭынчуп, аҵых ҳәынҷоуп,
Ус машәырны ԥшакгьы суам.
Зегь гәыҭгагоуп, зегь хазыноуп,
Мап, уахаҵәҟьа уаҩ дыԥсуам.

Арбаӷьқәа еиқәҿырҭуеит аҵых агәазы:
- Ҳа ҳгәыла ҩыжәҩык, иааиқәнауа асы,
Аҩнынӡа данзымнеи игәашә аԥхьа диоуп,
Иԥҳәыс уажә даауеит ҳәа лымала дтәоуп...

Шьыри ҭали, сашҭа шәҭали,
Амаалықьцәа шәԥыр-ԥыруа!
Бзиабароума, изышәымҳәозеи,
Аӡыркәиқәа, шәызбылуа?

Арбаӷьқәа еиқәҿырҭуеит аҵых агәазы:
- Агәырӷьаӡ! Зегьы-зегь урхыҵәа, уласы!
Ҳашҭа иаԥымхаша аҵеи мыш диит,
Ахысыбжь иарҿыхаз арахь иццакит.

Хәыҷи-бырги шәгәы раҳаҭыз,
Аԥхыӡ шанақәа жәбала.
Адыд хысуам, адгьыл ӡыӡом –
Аҵых, ԥшьаала унаскьала!

Аӡә имзаҿа гылоит, аӡә имрахә ҭашәоит,
Аҵых наскьоит, аԥсҭазаара еикәшоит.
Арбаӷьқәа акакала аиқәҿыҭра иаҿуп,
Рлымҳақәа кыдҵан ақыҭақәа ԥшуп...

Амза аҭәымҭоуп, ашәҭ аптымҭоуп,
Ӡаӡа ҳәымҭоуп, ааи, уаха.
Гәырҩа ԥсымҭоуп, ашәа имҭоуп –
Аеҵә кыдуп имцаха.

1974

1974

***
Гәата-бӷата аԥҭа еилыҵит.
Рыбжьы хҽит акәарақәа.
Ԥшьаала адгьыл инахьысит
Амра ахьтәы нацәкьарақәа.
Иныҵак-ааҵак, бжьы гәыкыла
Ашәа рҳәоит аҵарақәа.
Харантә иԥшуп еикәагыла
Ахрақәа - ахьыҵәцарақәа.
Уапа еиқәаран ҵаҟа ишьҭаршәуп
Аҵлақәа рышәшьырақәа.
Ацәа хаара акәа иҭаршәуп
Ацәқәырԥ ҟәандашьшьырақәа.
Шьаци-бӷьыци рыԥсы ҭалоит,
Ашәҭқәа рышәҭрагь дырласып.
Цәак ахыҵын цәак ахалоит
Сара стәыла - сынасыԥ!
1975

ДЫРМИТ ГӘЛИА
Сыдгьыл аршәҭуеит угәы аԥхара,
усахьа иарԥшӡоит сыԥсабара,
Ушәахәан уацуп сымра хаара, Аԥсынтәыла блас уахоуп!
Сыхра ӡышқәа реибаркыра, сырҩаш ҭрысқәа рыццакыра,
Сиеҵә шаша, сыблахкыра, сгәыӷреи сымҩеи урхадоуп!
Уара уашәа ашәа ахылҵит, уашәа ашьхақәа инархысит,
Анасыԥқәа рахь икылсит, шьаҭа мырӡган иҟалеит.
Асы мҟәыли, аԥҭа еиқәареи, аԥша ҵәыҵәи, алашьцареи
Агәкаҳареи нас ашәареи уара уҿаԥхьа рымч каԥсеит.
Изхәарҭоузеи аргьы бџьарда? Изхәарҭоузеи ар хадада?
Иниасуеит ауп урҭ лҵшәада. Арҭ узгәамҭазҭгьы уара,
Рыцҳаи беиеи узеилмыргазҭгьы,

ухы амацара уашьҭалазҭгьы,
Мшын нырцә ма уԥсра ҟалазҭгьы,

иақәашьхарыз с-Аԥсынра?
Сгәы аналаҟам сзырлах-ҿыхуа,
сааҭынчхаргьы сзырцых-цыхуа,
Уахгьы-ҽынгьы ԥхьаҟа исыхо – ахаан уҟам уԥсраны!
Чамгәырума ма ԥхьарцоума, ҿырпынума ма са соума,
Имиц иоума, имшәыц иоума – уӡбахә зҳәаша инагӡаны?!
Сыдгьыл аршәҭуеит угәы аԥхара,

усахьа иарԥшӡоит сыԥсабара,
Ушәахәан уацуп сымра хаара, Аԥсынтәыла блас уахоуп.
Сыхра ӡышқәа реибаркыра, сырҩаш ҭрысқәа рыццакыра –
Сиеҵә шаша, сыблахкыра, сгәыӷреи сымҩеи урхадоуп!
1976

Ицымхәрасгьы иаҳцәыԥсуа зегь џьабатәуп,
Ицымхәрасгьы ҭацаагараҳәа ицатәуп.
Ҳа ҳабдуцәа араҟа иқәԥоз хаҵаҵас
Рыхьӡ ҳәатәуп – уи ахаҵа ицымхәрас!

АБЖЬЫ
О. Беигәа изкны

Даҽа бжьык, мап, иалаҩашьом уи ибжьы,
Сахьцалакгьы слымҳа иҭаҩуеит инеиԥшьы.
Уи сахӡыӡоит, саргәаҭеиуеит есымша,
Сдақәа ирҭалан сыԥсы иалалоит аҽша.
Стәыла иалгоуп, аха стәылахь иццакуеит,
Игәыкуеит уи сара стәылаз, игәыкуеит.
Ах, зыбжьы ааҩуа, бџьар мцада игәаҵа хәуп,
Ах, зыбжьы ааҩуа ибжьы злааҩуагь џьашьахәуп!..
Са исыздыруам, рыцҳа, абраанӡа деиқәзырха,
Изламыццышәхаз уаҟа игәыӷра аҟәырҷаха!
Шьҭарнахысгьы дҟаларымашь, сызкәыхшоу?
Сыжәҩан уантә ибаларымашь ишлашоу?
Уатәи амра игәаланаршәоит даҽа мрак,
Уатәи амҩа даннарԥшылоит даҽа мҩак,
Уатәи аӡыхьқәа иӡышра рзыртәаӡом,
Уатәи ашәҭқәа афҩы ирхылҵуа изхаӡом.

Ицымхәрасгьы абаа хыжәжәарақәа хьчатәуп,
Хьӡашьа змамгьы ицымхәрас ҳәа иахьӡатәуп.
Уи ҳҭоурыхгьы, иахьа зыԥшаара цәгьахаз,
Ирацәажәатәуп уи ахаҵа ицымхәрас.
... Даҽа бжьык, мап, иалаҩашьом уи ибжьы,
Сахьцалакгьы слымҳа иҭаҩуеит инеиԥшьы.
Сахьцалакгьы иара сышьҭоуп сыԥшаауа,
Зны сыргәырӷьо, даҽазныхгьы сеилшьаауа.
Ах, зыбжьы ааҩуа, бџьар мцада игәаҵа хәуп,
Ах, зыбжьы ааҩуа, ибжьы злааҩуагь џьашьахәуп.
Уи иԥсыбаҩ нырцә инхаргьы, са агәра згоит,
Ԥсра зқәымло ибжьы наӡаӡа ҳа иаҳзынхоит.
1977

Ашьхақәагьы уаҟа даараӡа илаҟәуп,
Уатәи аҳауа даҽа ҳауоуп, иҟәкыуп.
Уатәи амца схәышҭаарамцеиԥш дарԥхаӡом,
Уатәи аҽыҩқәа – аратәи аҽыҩқәа ирыхьӡаӡом.
Сара сакәзар иара ԥхыӡла дызбалоит,
Сышихьҵәуо сылаӷырӡқәа ҭабалоит.
Сашәақәагьы иилоит рылахь еиқәҵаны,
Аха усгьы ахы ҟәыннамшьарц аз Аԥсны:

САСРЫҞӘА
Хысбжьык ма ҵәыуабжьык ыҟам,
Наҟ ахрақәарҿ аԥҭақәа хшьуп.
Са схәыцра зырҟьалаз, Сасрыҟәа,
Мрагылара ушьала иҟаԥшьуп.
Сдәықәлан Ҟәбина аԥшаҳәала,
Санымиеит иахьышьҭаз ухҿак.
Схынҳәыртә еиԥш, ма сгәалақәа еиқәҳәала,
Исзымԥшааит сызҵаарақәа рҭак.
... О, иагьа шәа ссир саҳаргьы,
Хаҵашәак са исызхаӡом.
Ашьхақәа рҟынӡа сызҳаргьы –
Бзанҵык уара уҟынӡа сҩаӡом.

... Аԥҭақәа уапа коукоуҵас
Нахьхьи џьара ахрақәа иршәуп.
Сызҵаарақәа – еибгамыз бџьарҵас
Аҭакқәа ирызхьаауа иԥшуп.
... О, иагьа ашәа ссир саҳаргьы
Хаҵашәак са исызхаӡом.
Ашьхақәа рҟынӡа сызҳаргьы –
Бзанҵык уара уҟынӡа сҩаӡом.
Аха иҟоуп, имыӡӡо ҳәа ак ыҟоуп,
Уи имиц аҵеирагь иртәуп.
... Схәыцрақәа ирылоу, Сасрыҟәа,
Мрагылара ушьала иҟаԥшьуп!
1977

... Уарбак ахалт Аршәаҳәымҩа,
Иааҟәымҵӡо акьира иаҿуп.
Арҩашқәа еиҭах ихәашьыма? –
Ажәҩан хаз алахь еиқәуп.
Избоит сара қәыџьмақәак цәырҵны,
Рыблақәа кәицшәа илашо,
Уахьышьҭоу инеиуашәа, иҭрысны,
Ишьашуа, рхаԥыцқәа еихакшо.
Избоит сара, днаҵаҟьо ларбаӷь,
Дцоушәа уа аџьнышцәа ран.
Узларгәаӷьи уашьцәа, узларгәаӷь?!
Ашьыцрақәа зрылаз, избан?

Сгәы иснаҭалоит сабылуашәа ашәақьымца ицәахьоу,
Сгәы иснаҭалоит сықәҿырҭуашәа наҟ амшын ихыӡлахьоу.

СЫМШҚӘА
Сымшқәа цоит еихьымӡа-еиԥымӡо, урҭ акы иахыццакуп,
Сымшқәа, сымшқәа –

сара сҽыҩқәа амаҳмызқәа ргәыҵакуп.
Узырхьымӡар, урыцҳашьан узҿыҭуа иаангылаӡом,
Ииасны нас уаԥхьаҟа ус џьара иаауԥылаӡом.
Са исаҭәашьоу саҩысмыжьырц сгәыӷрақәа сыҽрылакны,
Сыԥсы ашәақәа инарымаздоит, акаԥкаԥқәа ирымакны.
Аӡыхьқәа снарҿыхәалап, ашьхатәылан иҵыҵуа,
Аԥҭа ҟәашқәа снарықәтәалап, арҩашқәа ирхыӡсауа.

Зегь збарцаз, еилсыргарцаз, уи азоуми сзыҟоугьы,
Иаасашәраӡа, дгьыли-жәҩани, ашьхақәа сызнықәуагьы!
Аха сымшқәа аанҿасра рықәым, урҭгьы акы иахыццакуп,
Сымшқәа, сымшқәа – сара сҽыҩқәа,

амаҳмызқәа ргәыҵакуп.
1977

Амаӡақәа сышьҭазаауеит аб атәыҩаҿ иҵәаху,
Ашьауардын ҭеслымыстәуеит сзыхшаз ианышәҭаху!
О, сгәаҳәара, усмеижьароуп, ас исыԥхьо ахара,
Исурбароуп аԥсҭазаара ашара, нас ахаара!
Мышкы аҵыхәан сашәақәлацәа

адгьыл хьшәашәа снамардап,
Цәымза хәыҷык алашара алашьцара иналаҭәап,
Иҵаа-ԥшаауа, иҟыуҵәыуо ашәахәақәа сышьҭазаап,
Џьоук наӡаӡа рыбла схыҵып, џьоук рыԥхыӡқәа срылазаап,
Нас аԥсроума шәарҭас иҟоу? Мап, зынӡак уи башами,
Акрынужьзар дызхьаԥшыша адә иқәымлац асаби.
Иулшазар ҳа ҳабацәа рыламыс анацҵара,
Еиқәырхазар рхәшҭаарамца, рашәақәа, рфырхаҵара!
... Абааш ҟәашқәа, уама зхысхьоу,

уахгьы-ҽынгьы сынрыдкыло,
Рыхәыҭ-хәыҭыбжь сазыӡырҩуеит, слымҳақәа нарыдкыло...

АШЬЫЖЬ АШЬХА

АҨНЫ, АГӘАРА, АН, АГАРА…

Иҽырба-ҽырбо ицәырҵуеит абқәа,

ашәа рҳәоит хаз акаԥкаԥқәа,
Ишьҭабоит аӡаӡа кәаԥқәа, аԥҭа еишьылқәа жәҩан ихым.
Шьаци-бӷьыци ҩада иԥхьаҳәо,

аԥшахь асуеит ахәхәа-хәхәаҳәа,
Аӡыхь леиуеит ахьхьа-хьхьаҳәа, амҩа еиныларц аҭахым.

Аҵла шәшьыраҿ, аԥша ахьасуа,

ахьычԥаԥырқәа ахьымҩасуа,
Аҵыс абжьы слымҳа иахьҭасуа, гарак гылоуп иԥшӡаӡа.
Асаби уажә уаҟа дгароуп, ихы-иҿы гәкуп, еиқәароуп,
Инап хәыҷқәа идыԥсалоуп, икыдуп иџьымшьқәа жәпаӡа.

Наҟ ашәаԥшь ахьуаркалеиуа,

хаҳәи-шьанҵеи ыркәеи-цеиуа
Амра ҩавҵуеит ишеи-шеиуа, аԥсабараз иразӡа.
Мап, акгьы ыҟам ацәа иалоу,

ацәқәырԥа сса еишьҭала-еишьҭало,
Аӡиа аԥаҩ рыҽнадыԥсало, гәҭыхак сырҭоит уажә маӡа.
Иааигәацәамкәа, ихарацәамкәа,

илаҟәцәамкәа, иҳаракцәамкәа,
Акыр-кырҳәа абжьы еицамкуа,

ауасарҳәыга алымҳа иҭаст.
Уи зегьы-зегь ирызгәакьан, зегь рзыҳәан ихьӡырҳәаган,
Иԥсыршьаган, игәыжьжьаган ашьха ԥшалас имҵанарст.
Убла рхьымӡо, инеиԥынкыла, ахра гәашәқәа еикәагыла,
Еилыбзаауа шәыга хкыла сахьаҭыхҩык изыԥшуп.
Ажәҩан цқьоуп ацыха ӡыхь еиԥш,

амра хәмаруеит саԥхьа ацыӷ еиԥш,
Арҩаш ҟәашқәа арашь аҵыхәеиԥш

абахә кнаҳақәарҿ ихшьуп!
1977

Арҩаш ашьҭыбжьгьы гәырҭәыгоуп,

ашҭаҿ ашәҭышқәа ԥсҭакыгоуп,
Амра ашьхақәа инархыгоуп, аха ашәахәа канаршуеит.
Сара анацәа срызхәыцуеит, сара асаби сихӡыӡоит,
Хҭысқәак саԥхьа рыҽдырҿыцуеит,

наҟ амшын ашҟа снаԥшуеит.
Ҭынчроуп избо уажәазыҳәа,

сыдгьыл ҵәыуам аҳәҳәы-ҳәҳәыҳәа,
Ацәқәырԥ ааиуеит ашьшьыҳәа,

урҭ иахьа аӷәрақәа рҿакым.
Ҟама еиҿасыбжь слымҳа иҭаҩуам,

ашәақь мцабз ажәҩан аҩуам,
Мыткәмабжьыкгьы сышҟа иааҩуам,

аха гәырӷьарак сыԥшным.
... Рыцҳа, шәмыӡыртә шәеиқәзырхазеи,

аха усгьы шәаанзырхазеи,
Уаҟа Аԥсны аҵкыс ишәгәаԥхазеи:

– Сыбжьы убраанӡа имнаӡаӡои?
Ахаҳә ҟәашқәеи, нас абаашқәеи,

аҳаршьылқәа, абна еишьылқәа,
Аԥсҭа ҭахьқәа, нас аӡыхьқәа –

сышҟа ишшәыԥхьо шәмаҳаӡои?..

Ара шәызусҭақәоу шәымҳәаргьы,

хыбрак аҵаҟа шәымиаргьы,
Цасҳәа мӡышәақәак шәыниаргьы,

акгьы шәыхьуам, агәра згоит.
О, избанзар, ҳәыҳәи-ҵыси, аеҵә ссири, арҩаш ҭрыси,
Амзеи, амреи, ахра ӡыши ишәыхӡыӡо шәрыхьчалоит.
... Аҵла ашәшьыраҿ аԥша ахьасуа,

ахьычԥаԥырқәа ахьымҩасуа,
Аҵыс абжьы улымҳа иахьҭасуа, гарак гылоуп иԥшӡаӡа.
Асаби хәыҷ уаҟа дгароуп, ихы-иҿы гәыкуп, еиқәароуп,
О, гәырҩада изҳалароуп, Аԥсынтәыла алахьынҵа!..
Аамҭа мҩасит иԥҭеиқәараз, ари сыдгьыл аныцәҟьараз,
Схәыцра салҵит игәыҭҟьараз, сгәаҵан гәыӷрак нҭаԥхоит.
Аҩны, агәара, ан, агара, асаби хәыҷ, абла еиқәара,
Ахәышҭаарамца, уи аԥхара стәылаҿ иҟан, иагьынхоит!
1977

АԤСАРАТӘИ АБААШҚӘА
Сеиҭацап уажә сымала ахәашҟа,
Зқьы маӡа уаҟа иҵәыхуп.
Абаашқәа, Аԥсаратәи абаашқәа,
Иуадаҩзаргьы ак сашәҳәарц сҭахуп.
Ахҿақәа еицнеиуеит исхыкны,
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 10
  • Части
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 01
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 2263
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 02
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 2307
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 03
    Общее количество слов 3435
    Общее количество уникальных слов составляет 2389
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 04
    Общее количество слов 3323
    Общее количество уникальных слов составляет 2325
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 05
    Общее количество слов 3167
    Общее количество уникальных слов составляет 2178
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 06
    Общее количество слов 3214
    Общее количество уникальных слов составляет 2190
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 07
    Общее количество слов 3447
    Общее количество уникальных слов составляет 2213
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 08
    Общее количество слов 3419
    Общее количество уникальных слов составляет 2335
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 09
    Общее количество слов 3296
    Общее количество уникальных слов составляет 2328
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 10
    Общее количество слов 3053
    Общее количество уникальных слов составляет 2055
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 11
    Общее количество слов 163
    Общее количество уникальных слов составляет 149
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов