Latin

Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 04

Общее количество слов 3323
Общее количество уникальных слов составляет 2325
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
Абас еиԥш иҟоу ахшыҩҵак сахьаркны, поезиажәа­ны иеизрыкәкәоуп Т. Аџьба иажәеинраала «Ажәҩан
ахысраҿ». Ажәеинраала аритм, аԥсабара аиҭашәара, ахагахара аминуҭ иазку аенергиа џьбара знубало ажәақәа,
имыцхәу-иҵхәу џьара акы аҟамзаара – иԥсабаратәны,
иҟәышны уи аиқәҳәалара уҳәа аҩымҭа агәылыршәараасахьаркыра иацхраауеит, иԥсҭазааратәу акакәны ҳаԥхьа
ииаргоит: «Ажәҩан хысуеит ҳагәқәа ҭҟьо, ажәҩан хысуеит. Иарбан гәнаҳаушь ҳзыхнарҟьо?! – ҳцәа ҳҭаӡыӡоит.
Иаамацәысуеит, ҳаи, анцәа!.. Иаамацәысуеит. Ажәҩан хысуеит – шьҭа уацәца! Ҳкылкаа ихысуеит. Ҳаҵахаҵәҟьеит

алакҭа – иҟам ҽӡашьа. Ҳхы ҳазхәыцуеит ҳаргьы шьҭа –
мшрак ианиаша.

Ҳа ҳабаҟаз, нас, уаанӡа –
Ҳхы ҳамрыцқьоз?!
Уажә ибар ҳҭахуп анцәа –
Ҳа ҳашрыцҳау!
Уажә ҳанхықәгылеит ахҭа –
Ҳцәа ҳҭаӡыӡоит.
Иаамацәысуеит... Шьҭа уацәца –
Ажәҩан хысуеит!
Абыржәыҵәҟьа ус ҳаиқәхар –
Ҳҟәышхон иҵегь...
Иҵегь ҳҟәышзар акәын ҳарҭ –
Иҵегь, иҵегь...»

Аԥси ацәеижьи реизыҟазаашьа, ауаҩы идоуҳа, аԥ­
сы ҳәа крыҟазар – уи закәу, иаҟазшьоу, иахьыҟоу – арҿиа­
ҩы изыҳәан акгьы аҵанамкуа иҟам, реалтә гәҭыхоуп,
лассы-ласс иҭаауа ахәыцрақәа ируакуп. «Џьанаҭтәи
аха­­қәиҭра» захьӡу ажәеинраалаҿ Аџьба ҟазарала дақә­
шәан иааирыԥшуеит абри «аԥсы» аныҟәара, анаи-ааи­
шьа, ацәаҩа. Алирик урҭқәа дырзааҭгылоит адгьыл
ахь иеилашуа аԥсҭазаара аԥыжәара аҭаны, уи аганахь
иеиҳа дхьаԥшны, игәы азыбылны, абри аамҭазы аԥсы
аҩнуҵҟатәи аԥсҭазаара, «аԥшьара» амхны, иҟам ак аиԥш
иԥхьаӡаны, атиесттә хыԥша ахубаауа.
Ҳаԥхьап ажәеинраала ҟаимаҭ ахаҭа: «Абжьымшынкгьы ирырт мариала, абжьышьхакгьы ирхыст убас,
измырҭынчуаз, аԥхыӡ иалаз, абар атәылагьы – изышьҭаз!
Сыԥсы неиуеит сцәа-сжьы ныжьны, еидара иаҵаӡам,
ицқьоуп, абар, џьанаҭ абаҳча еиужьра акгьы азеилымкаауа иҭоуп. Гәалак, хьаак амам уи шьҭа, иахьцалакгьы

амҩа артуп, сыԥсы иамоуп ахақәиҭра, иаргьы аҵысхә
аиԥш иласуп. Еимгеимцарак, шықәсык ахьынтә, адунеи ккаӡа иааимҟьоит, о, иадыруеит усҟан иахьыз, зынӡа
ишрыцҳахаз абоит:
Ажәҩан иалоуп сыԥс ахала
(Ҵаҟа аԥсҭазаара иеилашуеит),
Аԥҭа шкәакәа иахьынҳала,
Абла хьшәашәаӡа иааԥшуеит –
Акгьы змыхьуа, акгьы злымшәо,
Иагьԥырхагам, иагьхәарҭам,
Иагьузымкуа, иагьузымшьуа,
Акгьы иашьҭам, акгьы змам...»

Апоет, ҳәарада азин имоуп аԥсы убас еиԥш иры­
цҳахәны, акгьы иашьҭам, акгьы змам акакәны аарԥшра
– иҟоуп уи аҩыза атрадициагь. Аха, еиҳа инарҵаулоу,
ирмариам ганқәак ҳрышьҭалар, апоезиаҿ, иаҳҳәап, Тиутчев иҟны, иаҳгәалаҳаршәар ауеит абра зыӡбахә ҳәоу аԥсы
апоезиатә хаҿсахьа даҽакала ишаарԥшу, ишаԥҵоу – даҽа
традициак инамаданы.
Тиутчев иҩуеит:
... Как души смотрят с высоты
На ими брошенное тело...
(«Она сидела на полу...»)

Араҟа аԥсы – аԥсы ҭоуп, иԥсҭазааратәуп, доуҳатә
мчуп, аԥхьаҩ ишҟагьы ареалтә цәанырра арӷәӷәоит –
иҟоу ак ауп.
Азеижәтәи ашәышықәсазтәи аурыс поезиаҿ, Пушкин иҟны – аԥсы реалтәуп. Жуковски агәра ганы иҩуан:

О, други, смерть не все возьмет,
Есть жизнь и за могилой...

Ареалтә цәанырра Аџьба иажәеинраалагь иунҭоит
– аха уа зыӡбахә ҳәоу аԥсы – аԥсы ҭам, иҵысхәуп, ҩну­
ҵҟала иҭацәуп, ихьшәашәоуп, иҟам-ианым иаҩы­
зоуп. Иеиҭасҳәоит, исҭахым абри ала лкаа џьбарак
аҟаҵара, ажәеинраала ахьугалак иҟаимаҭуп – зеиԥш
ҳԥыхьашәалаша! – аҟаза инапы иҵыҵит.
Абар даҽа жәеинраалак аҿы Т. Аџьба абри аԥсы
аусқәа «ширкәараҵо», лахьынҵас иазишо, ирҿиаратә
хықәкы иадҳәаланы:
Адгьыл, ажәҩан,
Амра шаша –
Сыԥсы ргоит;
Сышьха ӡыхьқәа,
Сгәыӷра ссирқәа –
Сыԥсы ргоит.
Суа-сықәла,
Анасыԥқәа –
Сыԥсы ргоит.
Бзиа избо
Зегьы ишрысҭо –
Сыԥсы нҵәоит...
Уц хырџьаџьа
Сышьҭа ухымзи
Есымша –
Усҭ, аԥсцәаҳа! –
Исцәуго башоуп
Уара шьҭа!

Арҿиаҩы изныкымкәа ихы дазҵаауеит – аԥсҭазаара
ахы-аҵыхәа ахьыҟоу, изакәу, дрышьҭоуп алагамҭа –
анҵәамҭа, афилософиатә хыԥша зныруа Иахьеи Настәи
реизыҟазаашьатә:
«Нас» закәызеи, иахьӡахьада?
Ҳәашьа сзаҭом иахьазы.
Ԥсыхәа сымамкәа иарада,
Ма изыӡбада сара сзы?
Нас азыҳәоуп амра згыло,
Нас азыҳәоуп изҭашәо...
«Нас» закәхо сыздырам хыла,
Нас азыҳәоуп сагьызшәо.

Абарҭ ахәыцрақәа ирҿыгоуп – ирхаршалоуп абас
еиԥш иҟоу, поезиа бызшәала инарҭбаан аԥсҭазаара
агәылаԥшра ирызҳәоу ацәаҳәақәа: «Шьҭа уахьӡа уи амш
лашара – инкабеит – аԥхыӡ, алакә! Инхаӡаз – азхьра мацароуп, ушьҭа ихымҵуа уахьцалак. Ари амшгьы уаҵәы
илакәхоит – иацтәи шлакәхаз аиԥш иахьа. Ари амшгьы
нықәҵыр акәхоит – ари амшгьы ҿымҭ уазхьла!
Имҵанарсыз аамҭа ӡхыҵра
Иамызхыхуада – аӡәгьы!
«Ԥхыӡзу лакәзу нас уазхәыцла
Иара аԥсҭазаара зегьы».

Апоет иҭахуп «аԥхыӡ» иалахәу абри ауаҩытәыҩса
игәаҟра-иԥсра наскьагазарц, аԥсҭазаара иалгазарц, ихаразарц. Заџьал анааилк зҩызцәа ирылҵны ҭыԥ ԥхьарҭак
ахь ицаны иԥсуа аслан ахымҩаԥгашьа дазхәыцуа Аџьба
иҩуеит: «Адунеи иалгоуп урҭ рыԥсыҽра – урҭ рыԥсра»
(«Аслан»).

Алирик иҭаауа «быӷькаԥсантәи» ахәыцрақәа, иаԥи­
ҵо апоезиатә ҩыра-сахьақәа рахьтә:
Аӷба дуқәа рыбжьы нхырҵоит,
Улымҳа инҭасуа жьаҳәаҵас.
Амра ԥсыда зны иаацәырҵуеит,
Зиарҭа иҩылҵыз чмазаҩҵас.
Дтәоуп, абан, амшын ахықәаҿ,
Лхала дцәажәо ҭакәажәык.
Аԥслыш гылоуп рыхәда рыкәаҽ –
Ҳрымџьабондаз абыржәык!

Имариам, аиашаз, аԥсҭазаара «агьама» збахьоу,
автор иажәақәа рыла иуҳәозар уи ауӷә «иахахьоу», ахаа­
ра-бзаара иргәылаԥшхьоу ауаҩи абиԥара ҿеи реизы­
ҟазаашьа – ахәҭакахьала ишықәсқәа ргәыбылреи ры­
хьанҭареи зныԥшуа ацәаҳәақәа: «Зны – сагәҭасуеит
шәа шәызнышәо, зны – сзыхӡыӡо шәшьырц шәаҿуп...
Шәара шәгәамчи сара сԥышәеи – урҭ еиԥгаламзар – имцуп. Сшәылагылан аркьыл сзасуам, ампыл шәылԥаан
исызгом. Аха сыҷкәынрагьы схашҭуам, аха сажәрагьы
сзацәцом».
Хә-цәаҳәак даҽа жәеинраалак ахьтә («Агәҿыӷь») –
ааигәа иҳаҩсхьоу ашықәсқәа рыҵкар акала иаҳзаазыр­
туа, иара уи адагьы, зны-зынла ауаҩытәыҩса иҭаауа –
иуаҩытәыҩсатәу:
Ҿаҳа-ҿымҭ ҳаидхалт, абар,
Ҳақәиан ҳаҵаԥшуеит аҭуан.
Ҳаҟоуп – ҳаҟамзаргь ауан.
Бзиа ҳаҟагьы, цәгьагьы...
Ҳаҟоуп, шьцылароуп зегьы.

Амши аҵхи ирзырхоу, формулаҵас иҳәоу апоезиатә
хшыҩҵак: «Иҟам аҵх ҳәа хазы – аҵх арбан? – Амш
иԥсызоуп. Иҟам ацәгьа ҳәа хазы – ацәгьа – уи абзиа
иԥсызоуп».
Абарҭ аҵхи амши – ацәгьеи абзиеи – иааидкылан
– аԥсҭазаара уаароуп, инаӡаӡатәым («Ауаара»): «Иигәа­­
ӷьызеи ауаара згогьы – ус, ишьҭых! Иумырӡын! Иеи­
қәырха!.. Иаҳагьы ирыхӡыӡаатәуп зегьы, Иеиҳагьы
ихьчатәуп иануаараха»: аԥсҭазаара аиҷаҳара, абзиабара.
Ҽаџьара – гәаҳәарала иаԥҵоу ацәаҳәақәа: «Аԥсҭа­
заара убас исгәаԥхоит, исҭахуп, сыжәҩа неиҵысхыр,
Сыԥрыртә аиԥш сласуп!»
Абар иԥрыртә аиԥш иласу «игәҭынчра», «ицәахаа»: «Сара сыцәам... сыцәоуп... сыцәам... Сеидроу ԥхыӡу
лабҿабоу. Хәыцрашәк схоуп – акгьы сазхәыцуам. Акгьы
сзеилкаауам сызлоу. Алакә иаҩызоуп арҵу рашәа, слым­
ҳаҿ иааҩуеит иӡҩаны... сыԥсҭазаара – сызкәыхшаша,
мшәан, сабоуго ҵхагәаны?!»
Аџьба илирикаҿы ишаабо ауаҩы гха-ԥхада дыҟам,
насгьы даҽаӡәы изы ҳаӡбаҩцәаны мацараны ҳаҟазарц
акәымкәа – дҳаԥхьоит ҳхатә еиԥхьхәыцаарахь, ҳхагәы­
лаԥшрахь, ҳамч зқәымхо-изықәхо рҿаԥхьа агәаӷь­
цәажәарахь («Маҷк»): «Ччаԥшьда алашарагь ҳхыҵәап,
дгьыли жәҩани леихашәып. Маҷк ҳаԥсҭазаарагь ҳахыч­
чап, иаргьы ҳхыччап иаҳа шәынтә».
Иуԥылоит алафи аллегориеи рыла иеиҿкаау, апое­
зиа-цәа зыҟәну ацәаҳәақәа – аҩы злысны иҟоу инаид­
кылашәа, ауаҩ ицәаҩа, идоуҳа иатәны: «Сабаццакуеи,
амҩа сануп, чаракаҿ сыҟан саауеит. Аԥшәма иуалырқәа
зегь ҭәуп, иамеигӡакәа аҩы рнаҳауеит. Уажә ашәагьы
сҳәоит сара нҵәа, сашәабжьы ныҩуеит хара. Ажәҩанаҿ
дыҟоуп анцәа, адгьылаҿ сыҟоуп сара!» («Амҩан»).
Узнысхьоу амҩа, аиаша-ҵабырг, агәнаҳа ргәылаԥ­
шра улзыршо, ухы-угәы уаззырхәыцуа, иааркьаҿу алҳәаа­

Иналкаан сазааҭгылар сҭахуп Аџьба илирикаҿ
иреиӷьу ажәеинраалақәа руак, темала, аарыԥшышьала
аԥсуа поезиазгьы иҿыцу ажәеинраала «Амза зхалаз» (лунатик). Ажәеинраала унацәа ахьнақәуклакгьы – раԥхьа­
тәи ацәаҳәақәа – ралагашьа инаркны, иаақәырҵәиааны,
уззыԥшым ахыркәшашьаҟынӡа – иразынԥсаран иеи­бы­
ҭоуп, идгьылтәым, «имзаԥсароу» акы иалаҟоуп, зныктәи
ақәыԥсычҳара, апоезиатә «ԥсеивгара» иахшаз ак ауп
– идырҵабыргуеит Аџьба даҽаџьара ииҳәо ацәаҳәақәа
«Иԥсны ибзамхаз илшаӡом ажәеинраала аҩра...».
Арыц ԥсны, иҵәыӷьаны ибзахоит, иԥсны ибзахоит
аԥсабара, ауаҩытәыҩса идоуҳа...
Ажәеинраала алагамҭа, ажәа заҵәык «аҵх» – аму­
зыкатә концерт аан аԥарда аадыртаанӡа иго шьҭыб­жьык
– амелодиақәа рдунеи ԥшӡа, рдунеи ҵаула адкылара
ушазнархио, ушазыҟанаҵо аиԥш – уазнархиоит ҭынчра
ҵаулак уалагаланы.
Аԥхьаҩ саҭеиҵарым ҳәа сыҟоуп ажәеинраала наг­
ӡаны иаазгар:

қәа («Агха»): «Гха заҵәык ухьны, аԥсҭазаараҿ уаҳа уиадагь иумоукәа уаауаз хьаҳәа-ԥаҳәа, иулшом ахаан угха
заҵә арҽеира. Арҽеира – ԥаршеироуп. Иугхаз уашьҭан
иурҽеир ауандаз – уи шәарҭас изкуадаз, уи хьаас измадаз!.. Агәнаҳа узышьҭаҵом наҟ иноухыхны, уи ашьҭа унхалоит иунымҵуа дамыӷны. Иҟаӡам ацәгьара хызҽуа ҳәа
бзиара. Иҟам хырқьиара!».

Аҵх. Арҵуқәа рыбжьада
Уаҳа бжьыҟаӡам адәны.
Иааҩнашылоит ус ауада
Ишеишеиуа амза ҭәны.
Лиарҭа дшылҵуагь лымыӡбакәа,
Иоужьны ишлықәыԥсоу лыхцәы,

Ддәылҵуеит – ашә ала дымцакәа,
Ахышә дкылсуеит харԥзаҵәы.
Аҵх ӡыжьушәа дхыхәхәалоит,
Дызхьынҳалоу... уеилыԥсаап!
Аҭӡы дкыдлан ахыб дхалоит,
Аҭел дықәныҟәоит – аԥсаатә!
Амза деиҽырбоит – лгәаԥхара,
Иаргьы лааигәаӡа иааскьоит.
Аблахкыга-раӡныԥсара –
Лхарԥ дагәылԥхаауа дкәашоит.
Ажәҩан аҵан, дгьыл дакӡамкәа,
Лыкәашашьа џьашьатәӡоуп –
Уаҩыхшара ихаҿы изаамго,
Ԥхыӡгьы изымбо кәашароуп.

Араҟа, аиашаз, аԥхьаҩгьы деилыԥсаауеит, аҳауахь,
ажәҩан ахь дхазгало – дылбаазго, иџьашьахәу цәаныррак
деимнадоит, игәы-иԥсы ҭӡыӡаауа – апоезиатә дунеи
ԥшқарах далоуп – амза ихоуп – ишанханы иааҭгылаз
дрылоуп, ажәеинраала зыхҳәаау длыцны «аҭӡы дкыдлан
ахыб дхалоит...».
Арҿиамҭа иугәаланаршәоит абри атемала Б. Ахма­
дулина лқәыԥшратә шықәсақәа раан (1957) иаԥҵоу ла­
жәеинраала ҟаимаҭ «Лунатики». Сара стәала аинтерес
аҵоуп абаҩхатәра ҟаимаҭ змоу ҩыџьа апоетцәа, темак,
поезиатә хаҿсахьак рхы ишадырхәаз, ишрызнеиз.
Абар ахмедулиана лажәеинраала («Лунатики»):
Встает луна, и мстит она за муки
Надменной отдаленности своей.
Лунатики протягивают руки
И обреченно следуют за ней.

Уа дагәыҵаҳәҳәа шәахәала,
Амза дамоуп дытҟәаны.
Ԥшьаала-ԥшьаала,
Хаала-хаала
Ларгьы лҽалҭаӡоит дгәыкны.

На крыльях одичалого сознанья,
Весомостью дневной утомлены,
Летят они, прозрачные создания,
Прислушиваясь к отсветам луны.

Адгьыл, ажәҩан, аамҭеикәшара –
Зегь ааҭгыло ишанханы! –
Изоурыдашь аԥсабараҿ
Абри амаӡа еилкааны?..

Мерцая так же холодно и скупо,
Взамен не обещая ничего,
Влечет меня далекое искусство
И требует согласья моего.

Закәу насыԥыз иаха илымаз –
Акгьы лгәалшәом шьыжьы.
Лхаҵа дихәаԥшуеит – дхәаҽыма!
Ицәгьаӡоупеи ихәда абжьы?!

Смогу ли побороть его мученья
И обоянье всех его примет
И вылепить из лунного свеченья
Тяжелый осязаемый предмет?..

Иҟоуп аҩымҭақәа рцәеижь ахьеидкьысло, цәаҳәа­
қәак рыцәаарақәа ахьеиԥыло, аха аҩ-рҿиамҭак, хадарала,
ихаз-хазуп, амзоуп «иеицырзеиԥшу».
Т. Аџьба иаԥҵамҭа еиҳа «алокалтә» ҟазшьа амоуп –
апоет иазирхиоит угәы зытҟәо асахьақәа раԥҵара, ахҭыс
аарԥшра, уи ауп ажәеинраалазы хра змоу амомент.
Б. Ахмадулиа лҿы хадара ауеит арҿиаҩы, апоетесса ллахьынҵамҩа азхәыцра, аҟазараҿ насыԥс илоуша,
лцәыӡ-ллагала... Ахмадулина лҿы амза хьшәашәоуп
(Аџьба иҿгьы иубоит агәыҭӡыӡаара узҭо ацәаҳәа ҟаи­маҭ
«иааҩнашылоит ус ауада»...), ақәгәыӷра уадаҩуп, ԥхар­
рак унаҭом. Уи ашәахәа хьшәашәа зҭааз, зыҩнапыкгьы
рхахан иаԥыло, аха абри амзахьтә акгьы змауа, акгьы
иазыԥшым Ахмадулиана амза – аҟазара, арҿиаратә
лахьынҵамҩа иадылкылоит, аҟазара акәзар, уи – ар­
ҿиаҩы изыҳәан имариам, илоу илызхуа, ихаара-бзаара
зегь еизыркәкәа изго ак ауп, апоетесса лгәы ҭыԥсаауа
дҵаауеит абри амҩаҿ иаԥсоу акыр лзаԥҵараны иҟоу –
иҟаму?!.
Араҟа ишаабо «амза атема» даҽа еидарак ақәҵоуп,
даҽаџьара имҩахгоуп, ирнаауп – метафороуп, абаҩхатә­
ра ашәахәа зныԥшуа даҽа гәҭыӷьӷьа цәажәарак ҳбоит.
Т. Аџьба иажәеинраала абас еиԥш иҟоу аидара иша­
ҵамгьы, аметафоратә ган ашҟа ишырнаамгьы – аса­
хьаркыратә рҿиамҭак аҳасабала Ахмадулиана лтәы
иаҵахо иҟам – иаԥнамгозар. Ацәажәара хҳаркәшозар
– рыҩ-рҿиамҭакгьы ҟаимаҭқәоуп, амза шәахәа иахшаз –
иӡаа­­ху, иҳараку сахьажәоуп, акы аԥсуа лирикаҿ, егьи ау­
рыс поезиа ду аҟны.
Абзиабаратә лирика аҿиашьа, ацәырҵшьа аҭоу­
рых ҳҽаламгалакәа (иҟоуп абри азҵаара иазку аимакаиҿакқәагьы), иазгәаҳҭар ауеит ахынҩеижәатәи ашықә­
сқәа рзы уарла-шәарла акәымкәа, еиҳа инарҭбааны,
инарҵауланы ахы шаанарԥшыз.

Аԥсуа лирикаҿ уаанӡа џьарамзар џьара иаҳԥылом
абас еиԥш иҟаз уи амҽхак, анырра ӷәӷәа.
Ҳаԥхьаҩцәа ианакәызаалакгьы иеиҳа иалрыԥ­шаа­
уаз, ирызгәакьоу абри атема аҿиара-аинылара Т. Аџьба
ихәҭаа шьахәгьы алоуп – инарҭбааны акәымзаргьы –
абаҩхатәра-ҵабырг зныԥшуа лирикала.
Апоет ицәажәараҿы иуԥылоит имырххакәа, имыр­
гәаҟкәа иҳәоу, аԥсабара шыҟоу иҟоу, исахьарку, аҿареи,
агәхыҭхыҭреи, аромантикеи рышҟа иуԥхьо ацәаҳәақәа.
Ҳазааҭгылап, инагӡаны, асахьаркыра аганахьала
ҽыԥныҳәа, хьаҳәа-ԥаҳәа змам, абзиабара иазку ажәеин­
раала: «амҩахәасҭеи амза иҭәуи, нас бареи сареи – убра,
иашьны иҟоуи зхы зтәуи – ах, ҳашԥеидхалеи ҳара! Аха
усгьы, сара иџьасшьо, исызгәамҭакәоуп сшашьыз, аха усгьы, сара иԥхасшьо, зынӡа исзымжәуазаап арыжәтә! Ҭынч
сызбыхәаԥшуам, сызгылом, унаскьа, бҳәеит, унаскьа! Аха,
ишԥазуеи, сырзынкылом, сырзынкыломеи сшьапқәа?..

Мшәан, са сымацара изжәуазма?
Ҳаибаныҳәан иҳамжәуаз,
Зынӡа агьама бымбаӡазшәа,
Нас ишԥаҟалеи абас?..
Амҩахәасҭеи амза иҭәуи,
Нас бареи сареи – убра,
Иашьны иҟоуи зхы зтәуи…
Ах, ишԥамариоу саршьра!..

Апоет иԥхыӡ ахьтә (ажәеинраала «Сбыҳәон»): «Сбы­
ҳәон: сырҿыха, сырҿыха! Сзымқәацо сԥахны сышьҭан.
Ҳәызба цагәык сыхәда иаҿырхо, гызмалцәақәак ааины
исхан. Акәакь быкҿагылан ашьшьыҳәа, сыхаара, сшыббоз
сыршьуан. Сбыҳәон: сырҿыха, сырҿыха! Быхьшәашәаӡа
ус бысзыԥшуан. Иԥҵәеит сызлаԥахыз ашаха, ашырҳәа

сҩаҵҟьеит сыҳәҳәан. Снабыхәаԥшит сыбла ҭырхаха: избан, сзыбмырҿыхаз, избан?»
Аҩымҭа алирикатә фырхаҵа дызхьуа, инасыԥхарц
ииҭаху лышҟатәи агәжәажәарақәа, ааԥхьара: «иԥсит уи
атәыла са сзыҳәа, атәыла хазына бызқәу, аҳ иԥа дақәтәаны
аҽыхәа, данааиуа ҳәа ба бахьыԥшу. Исԥылон, ихырхәон,
исыҳәон, сцон сара наҟ сеиханы. О, быцәазар – быцәаз,
бсырҿыхом, бҿыхозар – бҿыха бласны!».
Абзибарагьы, уи иахылҵуа аҭаацәаратә ԥсҭа­заа­
рагьы ԥҭа-хәашьык рхамло, еснагь амра рызкажжы мацара иауҟаху, акырынтә урҭ зегьы ирзыԥшуп аԥышәара,
агәырҩа, алаӷырӡ, рҽеишьа змоу – измам.
Аҭаацәаратә ԥсҭазаарахь ииаганы убарҭқәа ртәы
шиашоу иҳәамзаргьы, ихҩа-ҿҩоу шамоугьы, абрахь иурхар ҟалоит алирик иажәа сахьарк, иажәа ҟәыӷа, имета­
фора (ажәеинраала «Аилыҵраҿ»): «анахьгьы иатәым­
кәа, арахьгьы иатәымкәа – иабантәаауеи, хагарак аҵоуп
им­цымкәа! Иаалырҟьан амацәыс хәыҵҟьоит, ихыс­
уеит, ируша иақәымшәо, аԥсҭҳәақәа еилысуеит, иԥшам
ифырҭыным – ицәырҵуам изхароу! Иагьҵәуоит, иагьыччоит, абар, аԥсабара…

Сыцәоушәа, сыцәамшәа,
Ԥхыӡушәа, ԥхыӡымшәа,
Уахынлоушәа, ҽынлоушәа,
Бакәушәа, бакәымшәа,
Бааиуашәа, бмааиуашәа,
Аӡә дбыцушәа, дбыцымшәа,
(Дхаҵоушәа, дхаҵамшәа),
Быԥсы ҭоушәа, иҭамшәа,
Сыбҭахшәа, сыбҭахымшәа,
Бцазшәа, баанхазшәа…
Изакә ԥхыӡ ҿаасҭазеи
Сара сызлаз!
Ԥхыӡ имбозар акәхап
Бара бызгаз!..

Иуԥылоит ажәақәа рырццакра-рырхәмарра (акьарда ахьыԥшра, агәаҭаха умаӡо) рҩышьа ала иаԥҵоу ацәаҳәа
ҟаимаҭқәагьы – рифмак аформала иҩу:

Ажәеинраала, ишаабо, анапҟазара аныԥшуеит, аха
аҵыхәтәантәи аԥшьцәаҳәак, сара стәала, аҩымҭа иша­­
ҭәаз ала ахыркәшара рацәак иалдмыршеит, еиҳа «ана­
пылаҟаҵарахь», армариарахь ииасит, аҩымҭа злаԥ­ҵоу
абызшәа, аҩышьа форма рцәаҩа рҽаҟәыҭханы, ррифма еиҿкаашьа аҷыдарагьы ԥсахны. Ишырҳәало аиԥш
абри «амаҷ» ажәеинраала анагӡара иаԥышькласуеит,
– иугәаладыршәоит акритик Алла Марченко Л. Толстои
иеицырдыруа ихшыҩҵак (зегь зҳасабуа «чуть-чуть») иаз­
гәалҭо: «так ведь в искусстве всегда решало и решает
«чуть-чуть»: зазор, разница между «сырым» и «мокрым…»
Иҟалап абараҟагьы убасшәа иҟоу акы ҳахьыԥшуазар.
Аџьба ирҿиамҭаҿ иуԥылоит апоет илахьынҵа, апо­
езиатә жәаҳарак иацу агәаҳәара, аҭакԥхықәра уҳәа ирызку ахәыцрақәа жәпакы, урҭ ирыхьӡынҩылоу, ицәы­рыргаз
ацәаҳәа шьахәқәа.
Аԥсуа поезиаҿы ари атрадициа ыҟоуп Д. Гәлиа раԥ­
хьатәи ицәаҳәақәа «Аҳы, сышәҟәы, уеиҵамхан» инаркны,

Аилыҵроуп, аилыҵра арҭқәа зегь здыргоу –
Аӡыни аԥхыни ртәы-рымаа еилдыргоит.
Ақәаҟам, асыҟам – гәыргәырроуп агәгәаҳәа –
Иахылҿиааран иҟоузеи аилыҵра уаҳа!
Аҩ-аамҭак реимак иазҭода ӡбашьа?
Насгьы, акгьы рзеиламкуа, ирымоума еилгашьа?!
Ргәы ааибагаргьы – ԥсыҭбада иааиқәтәахуеит,
Иеилырхыз аҵкыс ирзеилоу аанхахуеит.

Шьынқәбеи Коӷониеи, убас ҳаамҭазтәи апоетцәа аӡәыр­
ҩы абри аганахьала иреиӷьу раԥҵамҭақәа – арҿиаҩцәа
рыԥ­сҭазаараҿ, рдунеидкылашьа аилкаара-аҭҵаараҿы
иуарҳәо, иуеилдыркаауа маҷым. «гәырцҭыԥк хьаас иҟас­
ҵоит» ҳәа зыҩуаз И. Коӷониа иҳәатәқәа – игәҭыхақәа
шырацәаз аиԥш.
Зны-зынла, изааӡарызеи, абри аус аҿы ҽынкыларак
зҭахугьы унахьыԥшуеит, «баагьы-ԥсгьы» ажәеинраала
аҩра закәу, уи иацу аџьабаа, амыцәара, аҵхқәа рыршара
уҳәа уажәы-уажәы ианрылацәажәо, ашаблонрахь, иҳәоу,
шәынтә иеиҭарҳәахьоу, ашҟа ианиарго.
Сара стәала, абарҭқәа раан абасшәа уҳәаргьы ауеит – ажәа џьбаразаргьы (ирҳәақәахьеит ҳәагьы сыҟоуп)
– зны дара аԥҵа акы-ҩба ирдымзаргьы, нас – рааишьарцашьатә!..
Рааишьа-рцашьатә акәзар – убасшәа итрадицианы иҟалеит, ажәеинраалақәа зхылҵуа еиҳарак амаҭәар
ҳаракқәа (ажәҩан, аеҵәа, ацәқәырԥа, Ерцахә ҳарак…)
ракәны. Аурыс поетесса ду А. Ахматова улзыӡырҩыр,
зын­ӡа даҽакуп иҳалҳәо – абырлаш цәаҳәақәа, зны-зынла
хыҵ­хырҭас ирымоуп… игәам-саму, аҳәиира зхыҵәаны
иҟоу, алаҳәаргәаџа зқәиаауа адгьылқәа…
Еиӷьуп лара лхаҭа ҳалзыӡырҩыр:
Когда б вы знали, из какого сора
Растут стихи, не ведая стыда,
Как желтый одуванчик, у забора,
Как лопухи и лебеда.
Сердитый окрик, дегтя запах свежий,
Таинственная плесень на стене…
И стих уже звучит, задорен, нежен,
На радость вам и мне.

Аиаша дазааигәоуп, деилукаауеит Т. Аџьба абас
анииҩуа («Ажәеинраала»): «Шә-хьаак сымоуп сара зны,
шә-уск сыгәҭыхоуп, сзыхьӡарызеи? Хьаа сымамшәа
стәаны, ажәеинраала злазыҩрызеи? Хьаа сымам даҽазны,
сҭынчуп, срылгеит сусқәа рызегь. Хьаа сымамкәа стәаны,
ажәеинраала злазыҩрызеи? Анкьеиԥш, сыхаара лбара
сцоушәа, сҽалакны лашьцарак, ус ауп… ажәеинраала
аҩра иаҵоуп, хымԥада, ԥхашьарак».
Даҽаџьара («Шәкы рҟынтәи акы») – аҳәатәы амар­
иамра, аҭакԥхықәра, арҿиаратә процесс:
Шәкы рҟынтәи, шәкы рҟынтәи акы…
Исзылыԥхароуп… сразҟы –
Ашамҭа иазнеихьеит асааҭ –
Ишкәакәоуп исымҵоу ақьаад.
Сышрышьҭоу – рыцәҟьара иҭашәанда! –
Ирыҵӡаауеит амҩан ршьамхы…
Ишысрыцқьо-ишысцәуа – иӷәӷәаханда!
Снапы иасыршьуазар мыцхәы?!

Ҳрыниоит абасала иҳәоугьы: «акәаԥқәа рхаҭы­ԥан
игылоу сыԥсоуп», мамзаргьы «имгәарҭәыгам сажәеин­
раала!..»
Аџьба иажәеинраалақәа рыла ауаажәлар ирыла­­­
ҵәа­хьеит зхыԥхьаӡарара маҷым ашәақәа, иаҳҳәап: «Ам­
ра ссируп аҭашәамҭаз» – ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара, игәы­
был­ра, имш-лаша, иҟазаара-инаскьара ирхаршаланы
иаԥҵоу ацәаҳәақәа (Баирон иажәақәа «Прекрасно солнце
пред концом пути» угәаладыршәозаргьы):
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз,
Амра акалашәа игәыкхоит.

Имариоума зегь рзыҳәа
Иахьа хәлаанӡа абылра?
Имариоума нас ашьшьыҳәа,
Зегь ааныжьны ацара?

Жәеинраалак, ашәа ҟаимаҭк аҳасабала иҟәым­
шәышәу, уздызыԥхьало акоуп «аҷандараҟа». Дызлыҵыз
иуаажәлар ркәама-ҵама, рцәаҩатә шидыруа, рцәажәа­
шьа, рынаԥш-ааԥшшьа, реизыҟазаашьа ааигәаны игәыиԥсы ишрыдикыло аган угозаргьы – иубарҭоуп араҟа
апоет ибаҩхатәра зныԥшыз, адгьыл «иқәмыркьысӡакәа»,
агәаҳәара-мҵәыжәҩа рыҭаны игәылыршәоу:
Даара, даара, даара, даара,
Даара, даара даҳгәаԥхоит,
Аҷандара, аҷандара,
Аҷандараҟа даагоит!

ҵәыжә­ҩа анаҭоит, иарԥыруеит – иара иаҭәоу, ашәа зызку
ах­ҭыс иашьашәалоу аинтонациа-хиаала уеиларҳауа.
Угәы иаанагап араҟа акомпозитор ибаҩхатәра,
инап­ҟазара зҭаху акагьы ыҟаӡам ҳәа, ажәеинраала ахаҭа
иашәаны, имелодианы ауаажәлар рахь амҩа иқәымлар
ауам!..
Апоезиатә хаҿсахьа аԥызҵо аиҿырԥшрақәа, аепи­
тетқәа, аметафорақәа рахьтә (аҩада инарҭбааны иаагоу
инарыцҵаны):
«Жәҩан ҵа змам аҿ аеҵә ҩынтра…»
«Ԥшьаала иҿыцәоит ацәаҟә ҵыхәа…»
«Аӡә даԥсоуп иҟамчҟьара…»
«Ашәҭи ашәҭи иеихәаԥшуеит…»
«данысуеит жәҩангәымҩа лара…»
«Шышкамс бызшәала аҭак ҟанаҵоит…»

Аацаа гылан Ааԥсҭа ахықәан, иаҳзыԥшуеит ишанаханы, амҩа ҳарҭоит Абӷархықәаа, Ҳшаҷандаратәқәоу
баны. Дәрыԥшьаа ҭацала ҳариааиуам, малла ибеиоуп – иаарычҳап! Насгьы, ҳчарашҟа ианааиуа – харшәла
ишаҵамхо ҳдырбап! Даара, даара, даара, даара, даара, даара даҳгәаԥхоит, Аҷандара, Аҷандара, Аҷандараҟа
даҳгоит!»
Араҟа ажәеинраала ашәага-азага шьақәзыргыло
ацәа­ҳәаҿы ԥшьынтә иҳәоу (даҽа ҩынтә – аҩбатәи ацәа­
ҳәаҿы – зынӡа – фынтә) ажәа «даара» ажәеинраала ам­

Апоезиаҿ арифма иааннакыло аҭыԥ, цхыраарас,
сахьаркыратә функциас инанагӡо ароль иазкны Аџьба
иҩуеит:
«Ажәеинраалаҿ арифма идыру арольқәа зегьы
инар­ҷыданы иргылатәушәа збоит уи апоет дахьарԥшаауа.
Шаҟа ажәа еилирхуазеи, шаҟа ажәа дыргәылаԥшуазеи,
шаҟа ихшыҩ еимнадозеи, аханатә игәы иҭамыз, ихы
иҭамыз шаҟа дрызнархәыцуазеи апоет уи, шаҟа ҳәашьа,
шаҟа грамматикатә категориа рпоезиатә мчы ааиртуазеи иара рифма заҵәык дахьынӡашьҭоу! Апоет иаша­
ҵәҟьа арифма ацхыраара ду инаҭоит, арифмаҟаҵара
зцәуадаҩу арифмаҟаҵаҩ иоуп… Сара сакәзар – иԥаны
исҿаԥало, мыцхәы иӷьамӷьамуа, «иҟаҵацәоу» арифмақәа
раасҭа ассонанстәқәа слымҳа иаднакылоит. Уеизгьыуеизгьы абригьы-абригьы арифма ахархәара иеиӷьуп
ҳәа аӡәы идгалара аҭахым – дасу иара иҩымҭа аҵакы
иашьашәалахо аформа ихала иԥшаауеит, ихы иаирхәоит

Изышьҭадаз Калдахәараа,
Иззыԥшыдаз Уаҭҳараа?
Зынџьы исҳәан еиԥш (дара рҳәашьа!)
Гәында илышьҭоу иеицырхәаа?..

иаҳа изыманшәалоу арифмақәа егьырҭ апоезиатә хар­
хәагақәагьы».
Иҟоуп, ҳәарада, апоет иҟаиҵо алкаақәеи ирҿиаратә
практикаҿ иаҳԥыло арифмақәа рҟазшьеи рыҳаракыреи
анеиқәшәо – ирифмақәа азанааҭтә лаԥшҳәаа анырхуго
аамҭазы.
Ииашаны, арифма Аџьба ицәаҳәаҿы аҭыԥ ӷәӷәа
аннакылоит, ирҿиамҭа асахьаркыратә ҳаҿра аелемент
хадақәа ируакуп – ихшыҩҵак дырҭбаауеит, ҵкар рацәа
ир­тәуп, иажәеинраала иԥсҭазаароуп, илирика анырра уи
ада ухахьы иузааго, иудукыло иҟам – еиҳаракгьы Аџьба
ипоезиа (иажәеинраала) иамоу астрофатә принцип иабзоураны.
Аҩада иззааҭгылоу ипоезиатә ԥҵамҭақәа ҟаимаҭ­
ла агәра ҳдыргоит Аџьба – арифма иазҟазоу, уи ала ажәа
асахьаркыра, аԥс ҿыц ахаҵара, ииҭаху аԥштәы алкаара
– аҵшьра зылшо аӡә иакәны дшыҟоу. Уи, дызлапоет иашоу ала, арифмаԥҵара хықәкы хадас имам. Арахь уԥшыр
иажәеинраала рифмада ашәи-ҭышәи иузнагом. Иҟоу уи
ауп Таиф ирҿиамҭақәа рҿы, аҩада ишиҳәо аиԥш, арифма иахьаҭыԥу игылоуп, ацәаҳәа аконтекст иатәуп, араҟа
арифмеи ажәеинраала аҵаки узеиҟәымҭхо иеицуп, иеиларсуп. Ари – абаҩхатәреи аԥышәеи рыӡбахә аҳәоит,
ҟазароуп.
Апоет ирифмеиҿкаашьаҿы иубоит иеиуеиԥшым
аҷыдарақәа – ихаҭәаау – ихаҭәаам, аԥҳәыстә-ахаҵатә,
иеи­­зааигәоу-иеицәыхароу, ҩба-ҩбала (ҩба-ҩба цәаҳәала
ишьақәгылоу ажәеинраалаҿ) иаҳԥыло, иеихдоу, астро­
фаҿы хыџьара (х-цәаҳәак змоу аҟны), ԥшьыџьара (ԥшь­
цәаҳәак змоу аҟны – уи ауп алирик ирҿиамҭақәа рҿы хадара змоугьы) – иеиуеиԥшым аелементқәа рыла ицәырҵуа
уҳәа рыпрактика. Иеиҳа инарҭбаау аҭыԥ рымоуп ак­лас­
сикатә ҟазшьа змоу – ихаҭәаау арифмақәа, имаҷуп ма
зынӡа иуԥылом акаламбуртә рифмақәа ҳәа изышьҭоу

ма урҭ рыпринцип иазааигәоу арифмеиҿкаашьақәа (Л.
Лабахәуеи Л. Кәыҵниеи раамышьҭахь, урҭ, сара стәала
иаҳа иуԥылоит И. Ҭарба, П. Бебиа, Н. Кәыҵниа рҿы).
Иааҳгап аҩада аԥхьаҩ илаԥш иҵамшәаз даҽа акыҩба – рацәак ҳхаԥыц зымҿац иреиуоу: «даагәашәҭеишь
– атамашәҭеиԥш», «акаҳуажәцәа – ахәажәцәа», «ҭхахаинхахи», «абахә ҿыцәқәа – ашәа ҿыцқәа», «анеиду – адунеи ду» (аҵыхәтәантәи «анеиду – адунеи ду») раԥхьаӡа
акәны Шьынқәба данқәыԥшызтәи иажәеинраалак аҿы
хархәара азиухьоушәа сгәалашәоит)…
Апоет иажәа сахьазыркуа ацхыраагӡақәа – аи­
ҿырԥшра, аметафора, аепитет уҳәа ракәзар ицәаҳәа
иаз­­­хашақәа рыла иеибыҭоуп, шьаҭас агармониа змоу
иажәеин­раала зҩычо ак акәны.
Аха абри аамҭазгьы, аԥхьаҩ илаԥш иҵамшәар
ауам зны-зынла арҭ ацхыраагӡақәа иеиԥшу рформақәа,
рҳәашьақәа, ршаблон форма дышрыдхалацәо, иеиҳа имариоу рхархәашьала. Ҿырԥштәыс иааганы апоет лассылассы ихы иаирхәо аепитет «ассир», «ассирра»: «Ажәабжь
ссирқәа», «Хьаа ссирӡан», «иссируп ашьацраҿ», «ссир­
шәа ишоу», «убжьы ссир», «адунеи ссир», «ашәахәа ссир»,
«ԥхара ссиршәа», «ассир абаҟоу», «шәҭы ссирк», «ссиркџьашьахәӡак», «бдырды ссир», «ссирс иҵоу», «иссир­
хоит зегьы-зегь», «иссирӡан ацашьа», «мшы ссирк»,
«бжьы ссирк», «ассир иԥшаарц», «уашәақәа ссируп» уҳәа
егьырҭгьы. Абас еиԥш ала епитетк лассы-ласс ахархәара
апоет иажәеинраала ҟаимаҭқәа ираҭәам, инапҟазара
ҳаракгьы иатәым – имариоу мҩоуп, шьҭрақәлароуп.
Таиф Аџьба ҵара-дыррала инагоу, зылԥшҳәаа ҭбаау,
зырҿиаратә ус аҿы аԥышәа змоу, аурыс, убас адунеитә
поезиа иахьеи-уахеи ирыԥхьо поетуп. Ҳаԥсуа поезиатә
ҩымҭақәа ракәзар агәыҳәԥыхш изаҩызоуп, игәы-иԥсы
иртәуп, дызгарҵыз гарак аиԥшгьы иахәаԥштәуп. Таиф
илшоит англыз бызшәала иаԥҵоу апоезиатә рҿиамҭақәа

цәтәқәоума угәы-уԥсаҿы, иуҩуа рҿы ныррак ҟарҵазар,
мцабзк дырҿыхазар бааԥсра алоума, уи азы ҽыԥныҳәа
ҟаҵатәума? «Без Жуковского мы не имели бы Пушкина»
– абас иҩуан зны аурыс критик ду В. Белински.
Таиф Аџьба иакәзаргьы убас. Уи ҳаԥсуа милаҭ поезиа иқәнаргылаз, иааӡаз, аизҳа-зыӷьара иаҿу поетуп. Ари
иаанагом иара изы уи уасхыр заҵәуп ҳәа. Аус злоу уи ауасхыр уасхыр хадазааит. Ас ианыҟала, адәахьтәи аԥшақәа,
аныррақәа шәарҭам. Уимоу, иеиҳагьы ихәарҭахар ҟалоит.

иеиҭамгаӡакәа излаҩу абызшәаҿы аԥхьара. Ҳмилаҭ поет­
цәа рыбжьара ари аҩыза алшара змоу, иара, убас иара
иабиԥара иатәу Р. Лашәриа уҳәа роуп. Абри агангьы Таиф
илаԥшҳәаа зырҭбаауа, игьама ааӡара, ашьақәыргылара
иацхраауа иреиуоуп.
Ипоезиатә ӡыхь, иажәа ахыҵхырҭақәа ракәзар –
аԥсуа ҩыратә поезиа аиԥш жәлар рҳәамҭақәа ршәахәа
лаша рхьыршоуп, мҵәыжәҩаҵас ирымоуп – апоет илшоит урҭ ҟаимаҭла рхархәара, жәлар ражәеи ипоезиатә
цәаҳәеи ахьеимадоу, иахьеиԥшьу рҳәаа узымыԥшаауа,
реиԥшьырҭа аламала улаԥш иҵамшәо. Ҳаԥсуа поезиаҿ
ирацәаҩым уи насыԥс изоухьоу, ҳпоезиа аханатә аахыс
раԥҵамҭақәа жәлар рпоетика ишадҳәалоугьы.
Абри аамҭазгьы иазгәасҭарц исҭаху, Аџьба ипое­
зиатә рҿиамҭақәа, ишҳәоу аиԥш, анс ма арс ашәҟәнырра
рымоуп, ана-ара ирылаҩуеит алитературахьтә, ашәҟәыабыӷьшәы рахьтә иаауа аинерциа, апоезиатә ритмқәа,
аинтонацаиқәа – аԥсуатә, аурыстә, европатә уҳәа рышь­
ҭамҭа, рԥышәа ахархәашьақәа. Ас узизҳәом, иаҳҳәап,
иара иабиԥара иеиуоу, Таиф ипоезиа аҩаӡара иатәу,
иашьашәалоу рушьбеи Смыр изы. Алитературахьтә Смыр
имоу аныррақәа рацәак аԥсуа поезиа аҳәаақәа ирыҭгам,
хәыцшьала, дкылашьала уи исахьажәа жәлар ражәа ауасхыр иатәуп, ԥсыԥ лагаҩагарас иамоуп. Араҟа пушкин,
Лермонтов, Гиоте, Баирон, Геине уҳәа рнырра, рпоетика
урхьыԥшуам. Акыр иубарҭоуп Смыр ипоезиаҿ Б. Шьын­
қәба ирҿиамҭақәа иҟарҵо анырра.
Абри аганахьала, сара стәала, Р. Смыр иаасҭа Т. Аџь­
ба иеиҳа длитературатәуп, иеиҳа «ацивилизациа злысхьоу» поетуп.
Ҳмилаҭ поезиаҿ баграт Шьынқәба даҳгәала­ҳар­
шәозар абри «ацивилизациахь» рацәак дыццакуамызт, уи
даҟәыҭханы дшыҟамызгьы.
Абри аамҭазы ҳазҵаар ҟалоит даҽакгьы. Апоезиа агеницәа, аклассикцәа умилаҭ иатәума, иҳәааныр­

***
Сара аҩада акырџьара еицысгәаласыршәоит Таиф
Аџьбеи Рушьбеи Смыри. Урҭ поетцәақәак раҳасабала
абиԥарак аҩнуҵҟа еиҳа ирылукааша иреиуоуп, Таиф раԥ­
хьатәи иеизга ҭыҵит 1968 ш. рзы, Рушьбеи итәы – 1973 ш.
азы. Ирыбжьоуп ԥшьбаҟа-хәбаҟа шықәса. Иуҳәар ауеит
арҭ аизгақәа аицныҟәара иалагаз шәыҟәқәоуп ҳәа: Таиф
иаԥ­хьаҩцәа аахьаԥшаанӡа Рушьбеи даацәырҵуеит…
Аҩыџьагь ҳмилаҭ поезиаҿ ирылҳәҳәақәо иреиуоуп, доус
ихаҿра, ирҿиаратә дунеи иманы.
Рҷыдарақәак рыӡбахә ҳҳәозар, Таиф Аџьба ипоезиа
еиҳа иҿыхаауп, еиҳа игәӡоуп, исахьаркны иуҳәозар узхара иузымжәуа аҩыз иаҩызоуп, угәы-уԥсы инарылашәкәа
ицоит; Рушьбеи иажәеинраалақәа еиҳа иџыԥхьуп, еиҳа
ишьақәгылахьоу рыжәтәуп, даҽа ӡыхтырак рымоуп.
Таиф, аҩада ишысҳәахьоу, апоезиа бзиан издыруа,
апоетцәа шьардаҩы гәнызкылахьоу аӡә иоуп, Рушьбеи
иаасҭа еиҳа ашәҟәы аҟынтәи даауеит, ашәҟәы дазааи­
гәоуп. Рушьбеи ипоетика еиҳа ихазуп, илитературатәым
дгьылк иқәгылоуп, уи ала аԥсы ҭоуп, иҭалаҳауп. Аус злоу
аҩы­џьагь абаҩхатәра ду заҭәашьоу поетцәоуп, аԥсуа поезиа дгьыл иқәиааз рҿиаҩцәоуп. Реиԥшымратә акәзар
– ари беиароуп, ҳсахьажәа аҿиарамҩа иатәуп. Иеиԥш­
ума, иаҳ­ҳәап, Пушкини Лермонтови? Аурыс ԥхьаҩцәа

рыҩнуҵҟа ирацәаҩуп Лермонтов ипоезиа еиҳа еиӷьаз­
шьо, уи ибаҩхатәра еиҳа изызгәакьоу. Ари зынӡагьы иаанагом Пушкин урҭ рыблаҿ цқьа дааиуам, баҩхатәрала
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 05
  • Части
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 01
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 2263
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 02
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 2307
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 03
    Общее количество слов 3435
    Общее количество уникальных слов составляет 2389
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 04
    Общее количество слов 3323
    Общее количество уникальных слов составляет 2325
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 05
    Общее количество слов 3167
    Общее количество уникальных слов составляет 2178
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 06
    Общее количество слов 3214
    Общее количество уникальных слов составляет 2190
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 07
    Общее количество слов 3447
    Общее количество уникальных слов составляет 2213
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 08
    Общее количество слов 3419
    Общее количество уникальных слов составляет 2335
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 09
    Общее количество слов 3296
    Общее количество уникальных слов составляет 2328
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 10
    Общее количество слов 3053
    Общее количество уникальных слов составляет 2055
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 11
    Общее количество слов 163
    Общее количество уникальных слов составляет 149
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов