Latin

Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 03

Общее количество слов 3435
Общее количество уникальных слов составляет 2389
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
Насгьы, уаҩ дзазҵааша: ишырҳәало еиԥш, шәы­
про­центкны мап ацәаҳкма ҳазлаауаз амҩа, ҳҭоурых зегьы? Убарҭқәагьы ҳаарҟәаҵны, иаҳҳәап, уажә ҳахьцо
абуржуазиатә системахь, ахатә мал адунеи ахь акәзаргьы,
дарбан шәҟәыҩҩу изҳәаз уаҟа џьанаҭ ԥсҭазаара ԥшуп, уи
иреиҳау идеалуп ҳәа?!
Уи адагьы. Уи адагьы...
Ҳаизыӡырҩып Расул Гамзатов: «Прожита жизнь, и
теперь, оглядываясь назад, вижу: все, что было связано
в моих стихах с политикой, оказалась, к великому огорчению, недолговечном. О многом сожалею. Сожалею, что
не написал то, что мог бы написать. Случалось, стоял с
«дежурной одной» у календаря, как выразился по аналогичному поводу Твардовский. Лучше бы этого не делал
(«Правда», 4 августа, 1989). Абри акәзар ҟалап, абарҭқәа
раан, аԥхьа иҳәатәу.
Абарҭ ахәыцрақәа инарыԥшьны иеицырдыруа аурыс критик Ан. Ланшьчиков ааигәашәа иазгәеиҭеит:
«Мы сейчас, посыпая голову пеплом, на весь мир
признаемся в собственных действительных и мнимых
грехах, мы готовы проклясть наше прошлое, в том числе
и социализм, который так неистово строили. Что и говорить, социализм у нас получился, аккуратно говоря, деформированным. И уповаем на остальной цивилизован-

ный мир и воцарившуюся в нем демократию. Боюсь, что
эти наши упования в конце концов обернутся горькими
разочарованиями, ибо современная цивилизация и современная демократия, в приобщении к которой мы видим свое спасение, не менее демоформированы, чем наш
социализм – только остальной мир боится в этом признаться» («Литературная учеба», 4, 1990).
Абас акәны ишыҟоугьы, иара убраҟагьы, иналу­каа­
ӡаша ашәҟәыҩҩцәа дуқәа, аҟазара ахаҭарнакцәа аӡәыр­
ҩы изныкымкәа иазааҭгылахьеит абри адунеи ахаҿ­ра,
ауаҩытәыҩса изыҳалалым, изыразым уи аибаркышьа,
ацәа­ҩа мцура.
Америка иҭыҵуа агазеҭ «Русский голос» аредактор
хада В. Пруссаков (уи Америка ахаҭа аиԥшҵәҟьа осовет тәылагьы акритика ӷәӷәа азиуеит) Москватәи ажур­
налистцәа имырхыз аинтервиу аҿы иҳәоит: «я не мало
путешествовал, но нигде не видел таких патриотов Америки, как в СССР... Вы говорите в Америке – демократия.
А я думаю, что США – это самая тоталитарная страна. На
поверхности там – беспорядок, а внутри – порядок железный... Общество равных возможностей?.. Американское
общество – сословное общество, где все разложено по полочкам» («Литературная Россия», 26 октиабр, 1990).
Иарбан системазаалак аҿгьы алитературазы иҟоуп
Аиаша-ҵабырг, Ауаҩра, Агуманизм, Абзиабара-агәы­был­
ра, Аԥсра – аҟазаара-аҟамзаара рдунеи ртема. Имариам,
ааи, иахьатәи аԥсуа шәҟәыҩҩы изы абарҭқәа рҿаԥхьа
иеиԥхьхәыцаара, иааҭгылара – илаԥшҳәаа рыхгара.
***
... «Чтобы иметь хороших поэтов, надо иметь хороших читателей» – иҩуан Уитмен.
Абра сызҿу ахынҩеижәатәи ашықәсқәа – ари ҳли­
тература еиҳа аԥхьаҩ данамаз аамҭан. Иахьатәи аԥхьаҩ

иҟалап еиҳа дазыҟаҵазар (акгьы иамыԥхьо, ааигәа критикк иҳәан еиԥш, уи акгьы даԥхьом – аԥсуагьы, аурысгьы – зыӡбахә сымоу иаԥхьо ауаҩ иоуп), еиҳа илаԥшҳәаа
ҭбаазар, уи иахьа дзыԥхьо реилазаарагь хараӡа ибеиоуп; аха усҟантәи аԥхьаҩ еиҳа дгәыбылҩын, ашәҟәыҩҩы
дизааигәан, ашәҟәы ахаҭагьы иара изыҳәан еиҳа иԥ­
шьан, еиҳа иԥсҭазааран. Уи дубон адәқьан аҿы, азал
аҿы, абиблиотекаҿ, аучилишьче аҟны, арҵаҩратә институт аҿы, ажәеинраала даԥхьон ҿырҳәала, бзиа ибон уи
алацәажәара, иацыз аимак-аиҿак. Аԥхьаҩ, ҳәарада, еиҳа
дазҿлымҳан, изааигәан алирика, уи изаанартуаз адунеи
ԥшӡа, адунеи сахьарк.
Дара апоетцәагьы аӡәи-аӡәи еиҳа ргәы еизыбылуан,
иеиҿцаауан – еилаҵәон, уимоу, иуԥылон поетк даҽа поетк изикыз ажәеинраалагьы...
Д. Гәлиа ицәаҳәақәа рыла иаҳҳәозар:

Усҟантәи аԥсуа лирика ахаҭарнакцәа аӡәырҩы –
еиҳабгьы-еиҵыбгьы иахьагьы ркалам шьҭаҵаны иҟаӡам,
ҳпоезиа агәеисра иалагылоуп, ахаҿра алгара, арҵаулара
иацхраауеит, аха урҭ ашықәсқәа раантәи ражәа – рлагала
ҷыдала аҵакы дууп, цәырҵроуп, аҭоурыхтә ҟазшьа амоуп
аԥсуа лирика аҿиарамҩа адаҟьақәа рҿы.
Убраҟа, ахынҩеижәатәи ашықәсқәа рзы, убарҭ «ахы­­
нҩеижәатәқәа» инрымданы ауп, аҩада ишысҳәаз, Т. Аџь­­
ба иабиԥареи иареи шцәырҵуа абиԥарақәа реи­цааи­
ра-реимадаратә ҳасабс иҟаҵаны ҳахәаԥшуазар. Араҟа
урҭ раԥхьа игылоуи дареи аамҭала рацәак рыбжьаӡам,
рқәыԥсычҳабжь еиныҩуеит, аха, ҭоурыхла, ирыҵаркуаз
ахҭыс дуқәа рганахьала урҭ аамҭақәа акыр еиҟәгоуп,
рхатә ҟазшьақәа, рҳәаақәа рымоуп, а-70-тәи ашықәсқәа

раан аӷәрақәа еиҳа иаадырххахьан даҽа ҵәыгәгәқәак арсын, ажәасахьарк аҿаԥа аҿаҵара, анкылара иазгәышь­
уан, «атәыла иаҭахыз» ахь ашәҟәыҩҩцәа рхьарԥшра иа­
лагахьан.
Усҟантәи апоезиеи акритикеи реизыҟазаашьатә
акәзар (ииашам ари азҵаара авсра апоезиа аҿиарамҩа
ҳаналацәажәо аамҭазы), аԥхьаҩцәа рыҩнуҵҟа анырра
ҭбаа, анырра ӷәӷәа ҟазҵаз абри аамҭазтәи аԥсуа лирика, аԥсуа алитературатә критикаҿ, апериодикаҿ хҭыск,
цәыр­ҵрак раҳасабала иахәҭаз ахцәажәара амоуит.
Зыӡбахә уҳәараны иҟоу акы-ҩба, «алокалтә» ҟазшьа
рымоуп, еиҳарак иеиуеиԥшым азҵаарақәа – алитерату­ра
зегь аҭоурых аҩра, аиублиеиқәа, аԥхьажәақәа, атео­риатә
усумҭақәа рҿы инамҩатәу рыӡбахә уҳәа ирыдҳәалан ауп
ишцәырҵыз, – ари агәаанагара иамазкуа аӡбахә иҳәар
акәхоит аконкреттә материал – иеиҳарак апериодикатә
кьыԥхь аҿы ицәырҵуаз рҿы ауп зегь раԥхьаӡагьы урҭ
ахьаабашаз.
Аӡәгьы иҳәом урҭ аматериалқәа рцәырҵра акгьы
аанагомызт, иаҭахымкәа иҟаз акакәын ҳәа, сара сызҿу
аҩа­­ӡарақәа разгәаҭарақәа, реидкыларақәа, реихшьала­­
қәа уҳәа енагь акритика алаԥшҳәааҿы ишыҟамыз ауп.
Иахьатәи апоезиеи акритикеи реимадашьатә, ри­
қә­ҿыҭратә акәзар – абраҟагьы аҭагылазаашьа рацәак
излеиӷьу егьыҟам, абаҩхатәра ҳарак зныԥшуа асахьа­­жәеи
«ахәча златата» иҟоуи – иеишәак иеицықәчоит, инеигәҭасааигәҭасуеит – амра аҵаҟатәи аԥсҭазааразы, иубап рыҩ­
багьы, хылаԥшрада, ианеиужьу, ианеиларҩашьоу, рыб­
зырӡы анеицырҳәо.
Исҳәар сҭахым абраҟагьы аханатә ицәҳәыран, зынӡа
акгьы ыҟаӡамызт: зны-зынла, иааркьаҿны акәзаргьы
иуԥылон, иахьагьы улаԥш рықәшәалоит акыр зҵазк­
уаз агәаанагарақәа, ахәшьарақәа – апоезиа абзырӡы,
хазы игоу уи ахаҭарнакцәа рбаҩхатәра – рџьабаа иазкны

Абас акәын ишыҟаз жәытә наскьаӡа,
Уи еиԥш ыҟам… аҿатә ааскьаӡа…

иҳәаз-ицәыргаз, аиаша-ҵабырг иатәыз, иазааигәаз. Аха
урҭ маҷын, аҳауа рзыҟаҵомызт, уарла-шәарлатәын.
Радрес уаҩ дазҵаауазар, хадарала, алитерату­раҭ­
ҵааҩцәеи акритикцәеи ракәын излагаламҭаз (сара стәа­ла
аҭагылазаашьа маҷк аҟара еиҳа иеиӷьын егьырҭ ажанр­
қәа рҿы – апрозаҿ, араҟагьы агәахәара ҵаула узҭашаз,
иеицгәарҭашаз ажәа цәашьыркыла аԥшаара шаҭахызгьы.
Иҟоуп даҽа залымдаракгьы: рыцҳарас иҟалаз, ҳара
ҳҿы, акритика аганахьала, акы аныҟоугьы иҟам ҳәа аныр­
ԥхьаӡо убап – арҿиамҭа ахәшьара иазку, ламысла иҩуиаԥҵоу астатиа алкаақәа автор игәамыԥхозар, усҟан уи
автор шьаҿацыԥхьаӡа, трибунацыԥхьаӡа, зны-зынла икаламгьы аашьҭыхуа, «ҳара ҳҿы акритика ыҟам, урҿиамҭа
ишақәнагоу ахәшьара азҭаша, иагу-иабзоу зҳәаша уаҩы
уиниом» ҳәа иҿынеихоит...
Аҩымҭа анурҽхәо аамҭазы аума акритика иеиҳа
иеизҳа-зыӷьаны, аусқәа анцәа ишиҳәара ианыҟоу, уи
ацәырҵра ҳаназыразу?
Иубап ирҽхәатәу – уи алыԥшаарагьы аҳәарагьы ус
имарианы иҟаӡам, уаниап даҽа хәшьарак зҭатәу – убригь
иара убасҵәҟьа.
Насгьы, илахьеиқәҵагаӡами, «акы зҩын иамуит,
ҩба зҩын иамуит, егьи, ибзырӡы – знык ирҳәеит, ҩынтә
ирҳәеит, иазымхаӡои» ҳәа иҟоу агәынқьрақәа?
Иеиԥшума, иеиҟароума аӡә игуи даҽаӡә ибзоуи?
Иара иурҽхәо, зыбзырӡы уҳәо иакәзаргьы, илшазиқәҿиаз анаҩс, игха-ԥха ртәык ианаҵушьлак иҟами
дыд-бжьны ианиаҳауагьы? (убасҟак иԥшқоуп, амсыр
қьаад аиԥш иҵаӷоуп, аԥырқь ҳәа амца ҩахҟьоит ҳашьха­
уаҩ игәы)...
Аха згәы ҵаӷоу арҿиаҩы, иаҳҳәап, апоет имацарагьы ауиакәху, зны-зынла даара ичҳара маҷуп иара акритикгьы: араҟа, ишаабо, аус зегь «аԥҳал амаа азҭо» инапы
иакуп, иҭахызар аварахь иеиҭоит, иҭахызар – аҵахь...

Ганкахьала, уамашәа иубаратәгьы иҟоуп дара ар­
ҿиаҩцәа аӡәырҩы, апоетцәагьы убра иналаҵаны, ицәыр­
ҵуа аҩымҭақәа рышҟа жәашықәсалатәи рҿымҭра. Ара­
ҟагь ари зыхҟьо маҷым: «садызцалазеи», «иабсҭаху», «схы
хәымкәа ахәрыбӷьыц зақәысҵарызеи?», убас ухахьы иааугар алшоит акритик Алла Марченко илҳәауагьы: «Зачем
пропагандировать успехи – дастижения конкурентов?».
(«Литературная газета», 14 ноиабр, 1990)...
Ишыҟазаалак, изыхҟьазаалак – зыԥсҭазаара иалҵ­
хьоу ҳашәҟәыҩҩцәа Д. Гәлиа инаиркны – аламала аӡә
иҟны иузыԥшаауам ивара, игәылара, егьи ауадаҿ аус ицызуаз даҽа уаҩԥсык, баҩхатәрак, даҽа рҿиаҩык иҩымҭақәа
ирызку гәаанагарак, ажәак, хәшьарак....
Ус еиԥш иҟоу ажәа – ҳлитература аҭоурых аҿы цәа­
шьыркыла уашьҭазароуп...
Араҟа «сара сыкритикым», «акритикцәа ҳамами» ҳәа
зны-зынла иуаҳауа «аргумент» – аргументым. Критик­
цәаны иԥхьаӡоума А. Блок, В. Бриусев, А. Ахматова, О. Мандельштам, М. Цветаева, Л. Леонов, А. Твардовски, К. Симонов, С. Наровчатов, Д. Самоилов, Е. Евтушенко, А. Вознесенски, Ф. Искандер, Ст. Куниаев, А. Передреев, А. Кушнер?
– ус заҟаҩы?! Урҭ ирҳәаз, иаԥырҵаз ак зыҩуа, ак ҭызҵаауа
акритик давсраны дыҟоума?
Егьырҭ амилаҭ литературақәа рҿы?
Насгьы, зны-зынла ҳакритикцәоуп ҳәа зхы зыԥ­
хьаӡо, астепенқәа змоу (иара аурыс литератураҿ акәзар­
гьы) ирыҩуеи аҩада зыӡбахә ҳәоу ашәҟәҩҩцәа рықә­
гыларақәеи иеидукылар – иубап абри аидкылара рацәак
акритикцәа, аҵарауаа рзы иззыфеидамгьы...
Минуҭк иадамзаргьы иаҳгәалаҳаршәап Атеатр Ду
аҿы Л. Леонов иқәгылара – «Толстои изку ажәа», мамзаргьы А. Твардовски И. Бунин изкны иаԥиҵаз аусумҭа нага!..
Рыӡбахә ҳҳәарым ҳаамҭазтәи аҳәаанырцәтәи апоет­
цәа, ашәҟәыҩҩцәа, урҭ зегьы, шамахамзар амаҵурақәа

ирылоуп, рӷьыра ӷәӷәак аус руеит ауниверситетқәа рҿы,
алекциақәа ирыԥхьоит, акафедрақәа напхгара рзыруеит, адунеи зызхьаԥшша аимак-аиҿак ду зырҵысуа
аусумҭақәа аԥырҵоит.
Ҳаргьы, иҳалшо ала – џьара акы ҳаҿызарц ҳахә­
ҭаӡами – «Маанаа Ҷыжә дрывасуан» ҳәа акәзаргьы?..
Насгьы, апоетцәа иашақәа раҟара избарҭада апо­
езиа ахьыҟоу – иахьыҟам? Урҭ ракәӡами абри аус аҿы аҵыс
ашьапы ахьыԥҵәоу здыруа? «Аҩеи аӡеи» рус иахьа­ла­цәа­
жәо – лассы-ласс згәыбылреи здырреи цәырыз­галаша?..
Иҟоуп даара ублаҿ имааиуа даҽакгьы. Ихәыҷыиду алитературатә чын змоу, ана-ара, аҭыжьырҭаҿ, урҭ
рнапхгарақәа рҿы иуԥылауа, аԥҳал амаа азҭо, аӷа иахо,
ҵәымаӷк иасуа, папкак назырҳәы-аазырҳәуа, «Иарбан
ашәоу иаҳәо аҟармаҵыс ҳәа хыс измаз «Аԥсны ҟаԥшь»
ианыз А. Џьениа истатиаҿы зыӡбахә иҳәо «злаба звакны» аредакциақәа рҿы итәоу, аҳәа зыҟәну ауаа (урҭ
рыҩнуҵҟагь иҟоуми иеиҳа хадара злоугьы, рҩымҭак
шааҭыҵлак, хыма-ԥсыма џьара аӡәы ак бжьеигалаанӡа
али-ԥси рыбжьара «зус» еиҿызкаауа?
Доус имҩа, ирҿиаратә хаҿра иара ишьақәиргылоит,
ихы иара аԥшәымас дамоуп, аха ҳаҩнуҵҟа изныкымкәа
ҳазхьыԥшхьоу абри апрактика маџьана, наҟ-ааҟтәи
анапеибарӡәӡәарақәеи, «абзиара уны аӡы иаҭ» анаҩсангьы
даҽак иазгәыӷқәо – убасҟак ирԥхашьагоуп, убасҟак рыкапан лаҟәуп – изыҩуагьы, изкьыԥхьуагьы, изызкугьы иеишьашәалоуп – асал рыбжьаҵаны иузеиҟәымго
аҟынӡа... Амҩаду аҿы раԥхьа иааудгылоугьы иара аӡбахә
далацәажәоит ауп…
«Се ля ви» – иҳәеит афранцыз...
Иҟоуп, аԥсуаа ҳҿы, аламҵ ахныҟәгашьа иахҳәаау
жәаԥҟакгьы!..
Абраҟагьы абарҭқәа еиҳарак изыхҟьо – аҩада зы­
ӡбахә ҳҳәаз «аҭыԥ ҭацә» – амилаҭ ҵак змоу акритика

иаша­ҵәҟьа иааннакылашаз аҭыԥ ауп. Уи аԥсыҽра, ак
умаз­кы­ша аҟамзаара, аҭак ажәа шыҟамло агәрагара
иҟа­на­ҵоит абас еиԥш иҟоу, алитература ҵызшәаауа, уи
анарха зыркьаҿа аус.
Ажанрқәа ирымоу аҩаӡареи Д. Гәлиа ихьӡ зху
Аҳәын­ҭқарратә премиеи реизыҟазаашьатә, ҷыдала апое­
зиатә акәзар, убригьы ҳмилаҭ поезиа-жәа ишахәаԥ­шуа,
хәшьа­рас иарҭо узырбо шәага-загоуп. Зны-зынла зынӡа
ублаҿы имааиуа ишәага-згам ашәага-зага!..
Жәохә-ҩеижәа шықәса раахыстәи аамҭа аҩнуҵҟа
абри апремиа ашарақәа раан иҳазҳәарыма аԥыжәара
змаз, ҳпоезиа ахаҿра шьақәзыргылоз, абаҩхатәреи аԥ­
шаареи зныԥшуаз арҿиамҭақәа ракәын ҳәа?
Алирика иазкыз аимак-аиҿак аан (апоезиазы алау­
реатра зауз изроуз аҩымҭақәа рыӡбахә уаҟа, шамахам­зар,
аӡә ажәак иҿаимыршәит – ари еиҳагьы ишьақә­нарӷә­
ӷәоит аҩада исҳәаз агәаанагара), аиашаз, ахынҩеижәа­тәи
ашықәсқәа рышҟа хьаҵрақәак ҟаҵан, харантә иара анаԥ­
ҵаз ашьҭахь шықәсы ҩеижәа анҵы – а-80-тәи ашы­қә­­с­
қәа раан!..
Убас ауп Т. Аџьба иабиԥареи иареи рҭагыла­заа­
шьагьы...
Абар, аԥсуа поезиа иреиӷьу рхаҭарнакцәа аӡәырҩы
иацы, жәацынӡа аҿар ишырхыԥхьаӡалаз шәышықәсабжа
ирҭыст (дубап ирзааигәахо), арахь рҩымҭақәа ирызку
инарҭбаау ажәак, иеихшьалак аԥхьаҩ имоуцт!.. Урҭ рымацара ракәым – иреиҳабацәоугьы. Аха, аиҳабацәа ма
«ԥыҭк-чыҭк» раӡахьеит...
Саргьы араҟа, ҳәарада, ҳасабс исымам абри аза­
лымдара ахарҭәаара – уи зныкҟьара аӡәгьы имч ақәхом,
ицаз усуп, вакуумны инхоит, апоезиагьы араҟа хара аманы иҟам.
Абри абиԥара иеиуоу апоетцәа ирызку схәыцра­
қәа, ана-ара иҟасҵо ахәшьарақәа, азгәаҭақәа – еиҳарак

Аџьбеи Смыри реиԥш иҟақәоу рҿы – иуҳәар ауазар ицаз,
иҟалараны иҟаз ацәажәарахь – ԥхьажәоуп, лагалажәоуп,
хаз-хазы иалыԥшаау цахақәоуп, рлирика аилыргара аҿа­
ԥхьа сааҭгыланы...
Апоезиа жәа-ҳарак, алирикатә рҿиамҭа ацәырҵ­
шьа иазкны Аџьба иҩуеит:
Ахышә иаакылсуеит, ашә ахь ушыԥшу,
Абзиабареиԥш иааиуеит ажәеинраала...

Абас аамҭа иахылҵуа ажәа сахьарк, апоезиа иаша
– иамоуп иара асааҭ, иара аминуҭ – «ахышә ианкылсуа»
– убасҟан ауп уи ангәаҭатәу, ианахцәажәатәу, ауаажәлар
рахь абзырӡы анҳәатәу.
Иара анҭыҵ ашьҭахь жәаба-жәохә, ҩеижәа шықәса
аныҵлак уи анализ азызуеит, иеилсыргоит ҳәа аҽазк­ра,
ҿыц аргьежьра – адтәалара – имҩасыз аӡиас архынҳәра
иаҩызоуп – даҽазнык угәы хыҭ-хыҭуа узҭалараны иҟам –
ицахьеит, зны иуҳәашаз ашьҭа ухуп.
Ари аамҭазы апоет усҟантәи иаԥхьаҩцәа «шны» еиқә­
тәахьеит, уаргьы урҭ ашықәсқәа раантәи уакәны уауҟаху.
Абиԥара ҿыц ракәзар – ирзымариам апоет ицәыр­
ҵраамҭазтәи амш архынҳәра, усҟантәи аҳауа, усҟантәи
амш ргәылалара. Ҳәарада, арҿиамҭа иаша уанах­цәа­
жәалакгьы ауеит (ахи-аҵыхәеи – иара ыҟаз!), аха уи даҽа
хцәажәароуп, иара анҭыҵыз, «ахышә ианкылсуазтәи»
асааҭ иацәыхароуп.
Акыр шықәса раԥхьа, аҳәаанырцә иҭыҵыз Пастернак ироман «Доктор Живаго», аҵыхәтәан, иара ахьаԥҵаз
атылаҿ ианҭрыжь – иахцәажәоз иеицҿакны иазгәарҭеит
– иахьатәи ахцәажәареи, усҟан, иара «ахышә ианкылсыз»
аамҭазы иазыԥшыз ахцәажәареи акакәны ишыҟам, ишхаз-хазу, иеилагӡашьа змам, инаскьаз-иааскьаз акырӡа
ишырацәоу.

Абар, аҵыхәтәантәи быжьба-ааба шықәса рыҩ­
нуҵ­­ҟа иҭыҵит акымкәа иҩбамкәа апоетцәа рал­каа­қәа,
реизгақәа – ҩеижәа-ҩеижәыхәба, ҩынҩеижәа шықә­са
раа­хыстәи рлирика, риепика уҳәа иеидызкылаз. Урҭ апо­
езиатә еизга дуқәа, ишысҳәаз, иргәылоуп ар­ҿиа­ҩцәа ан­
қәыԥшыз аахыстәи иззыхандеиуаз рџьабаа, рбаҩхатәра,
ргәашыра зныԥшуа, акырџьарагьы аԥсуа поезиа аҩаӡара
зырҵабыргуа арҿиамҭақәа, иргәылоуп ирыгу-ирыбзоу.
Дара рҭыжьразгьы аҳәынҭқарра иҟанаҵеит ахарџь ду.
Арахь уԥшыр, ишырҳәало еиԥш, ардәынакгьы
ҟәырҭ амыргеит, зегьы раԥхьаӡагьы урҭ рыхцәажәарарзааҭгылара зхаҿы иаазгашаз, иеиҿызкаашаз ареда­
кциақәа гәхьаасгьы ирыманы иубом. Убри аҟнытә, ар­
ҿиаҩы иԥсҭазаараҿ, апоезиа аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа
арҭ аизгақәа рыхьӡала ак ҩым, ак ҳәам.
Иҟоуп ари азҵаара зырцахцыхшаз, ирымоу аҽыԥ­
ныҳәа злахьадыршшо: аӡәыр акыр ҩны иааиаганы иаҳ­
мышьҭыз ҳәа акрыҟоума?
Ажәакала, зегь шыҟац – иацы, жәацы, аԥыжәац!..

«Литературная газета» аԥхьаҩ имбар ауам, шамахамзар, ианыло аматериалқәа зегьы иеиҿкаау – иҿаҵоу
шракәу.
Убас ҳаамҭазтәи ажурналқәа, урҭ реимак-еиҿакқәа,
рызҵаарақәа – еиҳарак акритикеи апублицистикеи
рыҟәшаҿы.
«Иеидукылақәо закәызеи, ҳаит, сыԥсындаз!..» –
быжь­қәак слымҳа иҭасуеит…
«Ааит, аҳаҳаи, иуқәшәазеи?!» –
Исаҳаит убжьы ҿацаӡа,
Ашырҳәа сҩаҵҟьап, ак змыхьыз иеиԥш,
Сҵарӡа.

О, изакә гәамчузеи иаҵоу
«Ухаҵами, ааит, аҳаҳаи!»
Мап, сара ахаангьы схьаҵуам,
Исыцнаҵы «Ааит, аҳаҳаи!»

Абас игәырҿыхагоу, угәалақәа ухазырышҭуа, иара
иитәу, изгәакьоу аинтонациа змоу ацәаҳәақәа рышьҭахь,
ҳаиасып Т. Аџьба ирҿиамҭақәа рахь, ана-ара иацы-жәацы
ииҳәахьоу цәаҳәақәакгьы ааҳгәаларшәаны:

Абас лыҩуеит Гәында Сақаниаԥҳа – иаамҭоуп, сара
стәала уи лыбгыӡра ҟаԥшь амҵахьгьы ахьаԥшра, лкалҭ
ианыԥсалоу рҽаҩра ҟаԥшь азааҭгылара...
... Мне двадцать третий год,
А что успел я сделать для бессмертия? – Шиллер
иқәыԥшра мца иеиқәнаҵаз цәаҳәақәоуп...
Абас еиԥш иҟоу ахықәкы ҳарак, аҩнуҵҟатәи агәжәа­
жәара – енагь абаҩхатәра ҵаулақәа ирызгәакьоуп, ахара
ирыԥхьо шарԥы-еҵәоуп.

Абгыӡра ҟаԥшь –
раԥхьатәи агәыӡра...
Сқьышәқәа ирықәххуаз
ааԥын хыҵит.
Снапқәа рызна абгыӡра ҟаԥшьӡа...»

***
Аҵыхәтәантәи аамҭазы акьыԥхь иазсырхиеит
а-70-тәи а-80-тәи ашықәсқәа раан ҳпоезиаҿ ицәырҵыз
алирикцәа рырҿиамҭа ахцәажәара иазку астатиақәа
рцикл. Т. Аџьба изкугьы убарҭ иреиуоуп, урҭ аҵыхәтәантәи
аинстанциаҿ иҳәоу иаша-ҵабыргны иҟам, ус еиԥш ала
аӡәгьы идызгалом, азҵаара ахәаԥшра, ақәыргылара
иазҳәоу гәаанагароуп.
Уаҩ џьара иахьихәарҭахаша, ихшыҩ ахьырзишьҭа­
ша, игәаладыршәаша ак ҟалар сара сзы игәахәоуп. Дыз­
зыразымкәа иҟоу – имырхьааӡакәа днарывсып. Из­мактәу
акрибозар – иамеикып, иамҩан ишиԥхьаӡо ала.
Ажәакала, абри сцәажәара еиҵых, ҳаҭыр зқәу аԥ­
хьаҩ, уареи сареи ҳаицәажәара ауп, уи арҵаҩи аҵаҩи
реицәажәара иеиԥшым, ари аус аҿы уареи сареи ҳаи­
ҟароуп, Таиф ипоезиа аҿаԥхьа ҳшеиҟароу аиԥш.
Иеицырдыруа ишәҟәы-иусумҭа «Выбранные места
из переписки с друзьями» хыркәшауа, Гоголь иҩуан:
«Я не предстовлял общества школой, наполненной
моими учениками, а себя его учителем. Я не всходил с
моей книгой на кафедру, требуя, чтобы все по ней учились. Я пришел к своим собратьям, соученикам как равный им ученик...».

Ҳа ҳанысит амҩабжара –
Уашьҭа еихшьалакгьы аҭахуп...

Мамзаргьы:
Ҽаказынгьы, сҩыцәа, сшәыҳәоит:
Са сышԥажәбо, са схаҭа?
Сахьцалакгьы сгәаҵа иҭыхоит:
Ҭыԥс иныскылои шәыгәҭа?

Ари аҩыза агәҭыха змоу Т. Аџьба имацара иакәым
– уи ҩнуҵҟала ргәы иҭырҳәаауеит, мамзаргьы, абас иш­
иашоу рцәаҳәа ианыԥшуеит иакымкәа-иҩбамкәа аиз­
гақәа ҭзыжьхьоу, «Алкаақәа» иравторцәоу реиԥш еиҳа
иеи­ҵба­цәоугьы.
«Цәаӡыӡрак, шәаӡыӡарак схыҵит... сгәы сцәыӡит
зынӡа... Схы инаркны сшьапаҟынӡа сеилысит...

Абасшәа, абасшәа…
Исҳәарцгьы исҭаху: абраҟа абас «иҳәатәымкәа исам­
хаҳәаз» ҭаацәашәалатәи еицәажәароуп, аизыразра иатәу
гәыбылроуп, ҳпоезиахь, ҳсахьажәахь азҿлымҳара змоу
ирызкуп.
Ишысҳәаз, ҳаиасып Таиф ипоезиахь. «Агладкопись
иахаҭарнаку» ҳпоетцәа хатәрақәа руаӡә иахь.

АеҴә ҩынтра
Аҩбатәи ахәҭа

А

баҩхатәра ахьыҟоу-иахьыҟам, аҩымҭа аҵа­
быргра-амцра ргәылаԥшраҿ-реилкаараҿ иҵы­
ргәа хадоуп ар­ҿиамҭаҿ ицәыргоу алаԥшҳәаа, уи иадубало
агәыбылра-аҟәыӷара, уҳәатәы ацәыргашьа, аҳәашьа, инеидкыланы, аҩымҭа асахьаркышьа.
Ҳарзыӡырҩып апоет иажәақәа:
Ашьхыц, ус иаразнак ашәҭ уахамлан!
Ацәыкәбар уаҿымхәан, уара, аҵыс!
Ах, иҭәымзааит уи аҵәа ҟаԥшь шҳамла –
Ани аԥшқа инаган идыркыз?!

ҵра иаҿуп – зны ана-ара иҳәоу цәаҳәақәаны, игәы иҭыхо,
илаԥш иҵимыжьуа хәыцрақәаны, даҽазных – аҩымҭа зегьы – ажәеинраала, апоема («Ицоит аӡиас») иара иазкны,
гәҭыхажәаны.
Зны-зынла, абас еиԥш иҟоу аҩымҭақәа рҟны, апоет шеишықәсатәи аԥсҭазаареи иахьатәии рыжәҩа иеи­
биҭоит, уи ала иҳәатәы, ихшҩыҵак нарҵауланы, адацԥашә рӷәӷәаны: «Раԥхьаӡа ицәырҵит абри иаҳхаԥ­хо
амра лашара. Нас – абри адгьыл иахьа ҳазқәынхо, ад­
гьыл-мшаԥшара. Ахрақәа ирылхәрааит арҩашқәа нас,
рҽеизырган – мшынхеит. Ахрақәа, аҿаҩақәа згәаҵа ԥса­
ҳәаз – рызынтәык ҿыхеит. Иқашәқашәеит нас, игәырӷьеит
ашьац, аҵла џарџарит. Ргәышҵақәа нам­ҵакуа амра
ашәахәац – ԥсыӡқәакгьы хәмарит. Нас ишәа­ԥыџьаԥхеит
гәаҩагьы- хәгьы, ашәабжь нархылҟьеит. Аб­нара инылаҩт
аҵыс абжьгьы, ашәарах нылҟьеит.
Ԥсҭазаарахт, адгьыл иахалеит аԥсы –
Нас ауп санеиха:
Нас ауп, анаҩс ауп санцәырҵ, ауаҩԥсы,
Зегь анмазеиха.
Дхыдазма арҭ зегь снапы иазыркыз?..
Иҟоуп сзызхәыцуа!
Рыхьчароуп, арҭ рырбгаракәым ҵакыс
Иамоугьы сцәырҵра.

Араҟа иахьеи-уахеи иҳаҳауа, ҳазлацәажәо аԥсаба­
ра зҭагылоу агәаҟратә, еибашьрада ауаатәыҩса зҿу ах­
ҭархаратәы, алирик, ԥшь-цәаҳәак рыла «ирҳәахьоу»,
«ирҟаҟахьоу» рҿыцны, цәанырра ҵауланы, апоезиа-цәа
ахаҵаны, игәҭыха-хьаау акакәны иаҳирбоит, убри иабзоурангьы астрофа зегь («акуплет») абӷьиаҵәа зҿоу, зыԥсы
ҭоу махәҭаны ҳахьыԥшуеит – иаҳныруеит.
Абри аԥсҭазаара аиқәырхара, ҳаамҭазы зыҽ­зыр­
ҭбаауа ауаҩытәыҩса илахьынҵа ахӡыӡаара – азхәыцра
Таиф Аџьба илирика амотив хадақәа иреиуаны ацәыр­

Акырџьара, абри, жәытә-натә аахыстәи аԥсҭазаара
иаҿыбаауп, иаҿгоуп, аҭоурыхи иахьатәи амши рыгәҭы­ха­
қәеи рыла имҩақәҵоуп апоет иҭаауа ахәыцрақәа:

Арҭ зегь са соуп изықәгәыӷуагьы шьҭа,
Са еиқәсырхароуп.
Арҭқәа зегь рышьҭахьҟа сцәырҵит схаҭа –
Раԥхьаҟа сцароуп!»

«Уа радари, рада гәышьа, иаҳхаагахьоу шьардагәы­
шьоуп. Иаҳхаагахьоу ҳашьҭагәышьам, аринахыс ҳшаҭа­
гәышьа. Уа радари, рада гәышьа, ма ҳқьиара гәаҭагәышьа,
уа ҳаԥсуара, ҳашьҭра мыӡуа, иахьынӡауа ҳажәла шьҭыҵуа.
Уа радари, рада рҳәама, дгьыли жәҩани рылԥха ҳама,
ҷкәыни ӡӷаби иеидҽырбало, хаҵеи ԥҳәыси рҳәоу иеинаало. Уа радари, ҳӷәыӷра ҳамжьо, иҳашьҭалан иааиуа ԥхамшьо: уа, ҳаламыс, ҳҵабырг, ҳиаша – изҳарҳаша,
изыздырҳаша…
Уа радари, ҳашәа ԥымҵәо,
Уа радари, ҳамца ҿымцәо,
Уа, радагьа, рада гәышьа,
Еиҭаҳәашьак ҳаҭагәышьа».

Ари ажәеинраала ҳмилаҭ лирикаҿ иреиӷьӡақәо ируакуп, иаԥсуа шедевруп.
Абас иҟоу ааҩымҭаҿ акәӡами аԥсуа игәхьаа ахьы­
ҟоу, абри аҩыза жәлар рашәаҿ ауми жәытә-натә ҳауаажә­
лар рдоуҳатә мчра ахьыҟаз. Араҟа умашәа иеиқәырхоуп
жәлар иртәу ақәыԥсычҳашьҭыбжь, иубоит абиԥара­қәа
ргәыӷра, уаҵәтәи рԥеиԥш иатәу ахаранаԥшра. Араҟа
иҟоуп амилаҭ зегь иеибаркны измоу, ԥсыс ирхоу. Апоет
иакәзар урҭ ԥсҭазаарас, гәыжьжьагас имоуп.
«Аԥсуара» захьӡу ажәеинраала, ана-ара адекла­ра­
циатә ҟазшьа аҟәнубаалозаргьы, абла ҵари аҟәыӷареи
иртәуп апоет ицәаҳәақәа:
Аԥсуара ахыҵәон ҳдунеи –
Аныҟәгара ус имариазар.
Аԥсуара анырхуан, аиеи –
Аныхраҵәҟьа ус имариазар.
Дҩагылт аӡәгьы, абан, иҿыхәхәо,
Аԥсуара аныҳәаҿа ижәырцаз…

Уаагыл, ацәаԥҽыга, убӷаӷо!..
Дышԥаҟалоишь аԥсуара зцәыӡыз!

Аԥсны, аԥсуара ирызку, рыӡбахә ахьҳәоу аҩымҭа­
қәа рҿы иаҳԥылоит угәалашәара иннакыло апоезиатә
хаҿсахьақәа, ажәа-гәыҭҳәаақәа, аформулатә ҟазшьа змоу
ахшыҩҵакқәа: «Избоит Аԥсны ахы, Аԥсны аҵыхәа, аџьал­
кны сшахыԥоугьы збоит, сан лыҭәҳәеиԥш, схьаақәа схыхуа, аԥшалас хәыҭ-хәыҭуа исындоит». «Анышә – сара сцәасжьы зфалак – зегь еиԥшуп, сыԥсы цқьеи сылша цқьеи
– сыԥсадгьыл иатәуп» («Абжьы»), «Ҳадгьыл рыцҳа, иагьа
гәаҟра ирыҵоуп ус – ҭоурых ианӡам» («аԥхынтәи ашәа»),
«Архимед дзышьҭаз акәаԥ исзаҩызоуп Аԥсынра…» («Сара
издыруеит»).
Ауаҩытәыҩса дануаҩха, иуаажәлар данрылала, урҭ
рыцәгьа-рыбзиа данахәҭакха – ихы мацара дзашьҭалом,
дзацныҟәом – ихадоу ак аҳасабала иԥхьаӡаны. Уи иԥсҭа­
заараҿы иеилагӡоуп ҩ-лагамҭак – ихатәы, ауаажәлар ртәы:
Иҳамоуп, ҩ-ԥсҭазаарак ҳамоуп ҳара:
Ак ҳамала иаҳтәуп, егьи раҳҭоит ауаа.
Актәи ҳаԥсҭазаара ӷәӷәоушәа ҳажьоит –
Ҳаҟанаҵ иҟоуп, ҳаныҟам иԥсуеит.
Аҩбатәи ауп ҳара ҳашьҭахь инхо,
Мышкызны, ҳаныҟамгьы, ҳаӡбахә зҳәо.

«Сыԥсҭазаара-сдаҟьа сахӡыӡоит сара – ирыцҳауп
ианшәалар иаԥсам ак џьара» – иҳәоит автор даҽа рҿиам­
ҭак аҟны.
Апоет илирикатә фырхаҵеи иареи аӡә роуп, еи­
ҟәыҭ­хашьа рымам, хаҿсахьакны ицәырҵуеит, дазхьуеит,
дашьҭоуп инасыԥ аԥшаара-ахьысра:
… Иаакаҷҷеит мацәыс каҷҷаран,
Маҷӡак сыгхеит слашәхарцы.

Нас, саҩызаха ахыҭҟьара,
Уахь сыҭрысит сахьӡарцы.

Амҩан иуцҳарц иԥшыз
Амаҭаԥшь ауп уашьа иишьыз.

Зных сшьацәхнысло, зны сышьҭасуа,
Зных сышьҭхысаа, схы агәра го,
Сынасыԥ сацрас-ацрасуа
Сашьҭоуп, седру сахьаго!

Баша уажьоит быӷькаԥсан,
Имцуп быӷькаԥсантәи аԥхыӡқәа.
Аҵлақәа еилнахуеит аԥша,
Иӡыӡоит иҿымшәац абӷьыцқәа».

Аха, ишдыру, аԥсҭазаараҿ ари анасыԥ аԥшаара,
ақәшәара – ус имариам, ацрас-ацрасра лахьынҵас
иан­ҳауа еиҳауп, ахаҭаҵәҟьа аԥылара, алакҭа аҭаԥ­
шра, «азқәа ашьышьра» аасҭа. Абри ауадаҩратә, ауа­
ҩытәыҩса иааԥсаратә, иҿареи ашықәсқәа реидареи реи­
зыҟазаашьатә уҳәа шьахәны ирҳәоит абас еиԥш иҟоу
астрофақәа:
Снеиуеит иахьамуа сҽынкыло,
Исымаӡам анкьатәи сгәамч.
Издыруеит шьҭа исылоу, исылам,
Шьҭа хыла сагәыдлом аҭӡамц…
Нахьхьи џьара сыҷкәынра гылан,
Игәанаҭоит арҭқәа зегьы:
Зны исыхәаԥшуа иҵәуоит гәыблыла,
Иныҵакны исхыччоит ҽазны.

Абар, аԥсҭазаара азхәыцра, уи адрама, иахьеи-уа­
хеитәи аҿаҩ-маҩ, ҵҩа змамтәи аиҭакрақәа рҿаԥхьа
агәырӷәӷәара, агәкамыжьра ирызку апоезиа: «…Иубоит:
амҩаду агәҭаны тышак улҭаҳа ухәаҽызшәа. Умч мырхакәа
ҽазны, унаган уԥсы шҭоу уржызшәа…
Мап! Уара ухьаауп иԥсыз,
Ухьаауп инаганы иржыз.

Аԥсҭазаара абзиабара, уи аҿаԥхьатәи аҭак­ԥхықә­
рақәа, ҳаамҭазтәи ауаҩы иџьабаа-игәкыдгылара, ихаз­
хәыцра, дзакәыҵәҟьоу аилкаара азгәышьра Т. Аџьба ҳаԥ­
хьа ицәыригоит абас еиԥш иҟоу гәҭыха-гәжәажәара­ны:
«Сусқәа неилажьны сцароуп аамҭала, уахь, уаҩ дахьы­
қәым ҭыԥк ахь џьара…
Исҭахуп сара уаҟа ҭынч смыццакыкәа,
Сашәақәа ирыгу, ирцәыӡыз сыԥшаар,
Аҵарақәа рашәақәа ирҳәо шәҟәы мкыкәа,
Рашәа хақәиҭқәа сҭахуп исаҳар.
Сбылгьар сҭахын сара ашьацраҿ мархәацҵас,
Маамынҵас ҵлакы сахьынҳала сгьалар.
Исҭахуп сара ргьамақәа збар адац-мацқәа,
Ԥынҵала бнацәҵас арҩаш сахәар».

Уамашәа исахьарку, арахь, адәахьала уахьрыхәаԥ­
шуа, еидара змамшәа иҟоу, имариоу, аха, аҵаулара,
абаҩхатәра ашәахәақәа зныԥшуа, ауаҩытәыҩса игәа­
лаҟара ҳарак ахь иуԥхьо ацәаҳәақәа:
Асы шьҭыҵуеит,
Сара схәыцуеит,
Лассы ишьҭыҵындаз асы!
Асы шьҭыҵуеит,

Сара схәыцуеит,
Сыззыԥшузеишь, сыззыԥшы?
Асы шьҭыҵуеит,
Аҩар хыҵуеит,
Аӡқәа еибафоит, ихәашьуп,
Зегь еилалоит,
Зегь еилыҵуеит,
Зегь аԥсеизгара иаҿуп.
Са сгәы ҵәуоит,
Са сгәы ҭыҵуеит,
Сыԥшуп сыблақәа хҩаны.
Насыԥк ыӡуеит,
Насыԥк цәырҵуеит,
Иеисуеит рыҩбагьы сгәаҟны.
Насыԥк ҿыхоит,
Насыԥк ыцәоит,
Иеихәлахоит сара сыԥсы.
Асы шьҭыҵуеит,
Асы шьҭыҵуеит…
Лассы ишьҭыҵындаз асы!

ҭҵаауа афизик ду Еинштеин иҳәалон абарҭқәа зегь
машәырны ишшам, машәырла, рзакәанк ыҟамкәа ишеибаркым, ауаҩытәыҩса изыҳәан инагӡаны иеилкаам, абарҭ
зегь иеицырзеиԥшу, иеибаркны измоу ак шыҟоу. «Создатель вселенного Бог в кости не играет» – ари аҵарауаҩ
иеицырдыруа иажәақәа роуп. Абарҭқәа инарыԥшьны
уи иҳәалон ауаҩытәыҩса ихаҭа ицәаҩа – иԥсабарагьы
инагӡаны иеилкаашьа змам ишреиуоу, абри акосмос
аҵау­лара ишатәу – ишацырҟьоу.
Абас еиԥш иҟоу ахшыҩҵакқәа рхыԥша рныруеит
имырхьааӡакәа иҳәоу, аха акала иудҷабло, угәалашәара
ихьыу-хьыууа иазынхо апоет иажәеинраала: «Изакәызеи
исыцрымшәо, сыхьцалакгьы сыбла зху? Ажәҩан иалоу,
адгьыл иқәу, ма са сгәаҵаҟны иҵәаху? Џьара акыҟоуп акгьы звымшәо, зегьы здыруа, зегьы збо. Џьара акыҟоуп –
заԥхьа схырхәо, џьара акыҟоуп – зыгәра зго. Адунеиаҿ зегьы ирышьҭоу, зегьы ирԥызгало ирыхәҭоу. Џьара акыҟоуп
– зҿынӡа ҳхамлац, џьара акыҟоуп – зынӡа иԥшьоу.
Ҳанамыхәогь ҳгәы казмыжьуа,
Ҳгәаҟрагь иазҭо аҵакы. –
Џьара акыҟамкәа – ҳзышьҭоузеи,
Ҳаԥсы зҭоузеи зынӡагьы?!

Заҟа гәаҳәара, заҟа поезиатә сахьа цәырнагои ари
ажәеинраала! Араҟа иаабоит дунеик шеибаку, аме­та­
форатә уасхыр иқәгылоу, ганкахьала апеизажтә жәеин­
раала, даҽа ганкахьала афилософиатә ҵаҵӷәы – аԥс­
ҭазаара адац-ԥашә.
Аԥсҭазаара аибаркышьа, адунеи закәу, ауаҩы­
тәыҩса Идоуҳаи ҳазлаԥшуа абри Амши ирыҵоу амаӡа
аилкаа­ра – ауаҩы изы усҵәҟьа имариоу, имч зықәхо усым.
Адунеи аиҿкаашьа, аеҵәақәа, ҳәаа змам агалакти­
кақәа ирзыԥҵәоу азакәан ԥҟарақәа дрызхәыцуа, рымаӡа

Иеиҳа иеиҿкааны, абас уеимнадартә, иунырыртә
еиӷьны ҳәашьас иамоузеи!..
Апоет ибоит аԥсҭазаара ашәахәа лаша, уи амра кажжыра аиԥш, ашәшьыра ганқәагьы, дырзааҭгылоит зара­
ҟьаҵас инаҳә-ааҳәуа, ацәгьара аҿаԥхьа ҽынкылара змам,

Џьара акыҟоуп – исыцрымшәо,
Џьара акыҟоуп – зыбла сху.
Ажәҩан иалоуп, адгьыл иқәуп,
Ма са сгәаҵаҟны иҵәахуп».

аҳәызба кны ушьҭахь игылоу – ишааҭаххаз аиԥш аҟьара­
зы. «Шәа исзыжәуеи исзышәҳәои мацара рҭак ҟасҵалап
ҳәа саҿым, уи ада ԥсабарак, лашарак сызгәамҭо, слашәхар­
гьы сҭахым... Зегь реиҳа шәзықәгәыӷуа рҽыԥхьакны иаргылар убас аамҭакы – сҟалом зегьы ззеиԥшу аӡә сакәны
– сзыԥшуам сара аганахь стәаны! Исхашҭуам, ишәасҳәоит
имӡакәа, исхашҭуам: сызшаз иҭахын неилыхрак, неилыхрак ҟамҵакәа, мраҵас сыԥхаларц зегь рзын».
Аҩымҭа хзыркәшо аҵыхәтәантәи ацәаҳәақәа
А. ла­шәриа иеицырдыруа иажәеинраала угәаладыр­­­
шәо­заргьы («Ауаҩы дыҟанаҵ мраҵас дыԥхалароуп...»)
сара стәала, урҭ рацәак ԥырхага ҟарҵом, аҩымҭа ианыԥ­­
шуа апоет игәҭыӷьӷьаа цәажәара иара иатәу ак акәны иуныруеит.
Ауаҩытәыҩса имҩаҿ ихҭысхьоу – дзықәшәахьоу
ала­мала ухахьы ишузаамгогьы, ицәыуадаҩу акакәны
иаан­хеит имҩасыз, ицаз амш, ицаз, хара иԥшу аҭоурых
рылкаа, рԥышәа инагӡны ихы иахьизамырхәо, урҭ рахь
игәиҽанны дахьыҟам, рыӡбахә рацәак иахьигәалам­шәо
– ашәарҭара алакҭа дҭаԥшаанӡа. Урҭ ирҳәо, ирыҵар­
куа ибла ианахгыло, атыҟә аҿы даннеилак, ишырҳәало
еиԥш, ауардын анхышәҭлак ауп, уаанӡа амш еилгоуп,
ишәарҭамшәа иҟоуп.
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 04
  • Части
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 01
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 2263
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 02
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 2307
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 03
    Общее количество слов 3435
    Общее количество уникальных слов составляет 2389
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 04
    Общее количество слов 3323
    Общее количество уникальных слов составляет 2325
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 05
    Общее количество слов 3167
    Общее количество уникальных слов составляет 2178
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 06
    Общее количество слов 3214
    Общее количество уникальных слов составляет 2190
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 07
    Общее количество слов 3447
    Общее количество уникальных слов составляет 2213
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 08
    Общее количество слов 3419
    Общее количество уникальных слов составляет 2335
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 09
    Общее количество слов 3296
    Общее количество уникальных слов составляет 2328
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 10
    Общее количество слов 3053
    Общее количество уникальных слов составляет 2055
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 11
    Общее количество слов 163
    Общее количество уникальных слов составляет 149
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов