Latin

Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 05

Общее количество слов 3167
Общее количество уникальных слов составляет 2178
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
еиҳа длаҟәуп ҳәа. Сара сзы Таифи Рушьбеии баҩхатәрала
еицназго, сыхдырраҿ, сгәыбылраҿы иҟоу поетцәоуп, убас
иагьаанхоит.
***
Абас иҟоуп, иааркьаҿны аума, иеиҵыхны аума уша­
хәаԥшуазаалак, абаҩхатәра ҵабырг змоу Таиф аџьба
илирика аганқәак, ахаҿра, аԥсабара хада, ацәаҩа.
Аџьба ипоема ҟаимаҭқәеи ахьыбҿар ирызку ир­
ҿиам­ҭақәеи ирҭахуп хаз иналкаау ацәажәара, хаз ҷыда­ла
рзааҭгылара. Араҟа хықәкыс исымаз даҽакын: ԥыҭк иадамзаргьы апоет алирика агәылалара, азхәыцра, аԥ­хьаҩ
итәны, изгәакьаны иҟазҵаз акы-ҩба ралкаара.
Ари сцәажәараҿ хықәкыс исымамызт иара убас
Таиф изкны ҳакритикцәа, ҳпоетцәа ирҳәахьоу, ирыҩ­
хьоу рышьҭахылара, рхархәара, ажәеимакра-аҵабырг
шьақәыргылара. Сара сзы ихадан ԥхьаҩык, поетк иаҳа­
сабала, сеиҵбы, акалам сыцызку ауаҩԥсы ипоезиа
исанаҳәо «имариам амариа» шысныруа, уи аханатә изыс­
гәаԥхоз, сгәы-сыԥсы изалыркаауаз рзааҭгылара, ибаҩ­
хатәра адгылара.
Апоет иажәеинраалақәа срыԥхьеит, сагьрых­цәа­
жәеит сгәы ишҭаҩыз, ирнызбааз, ишсыдыскылаз ала.
Даҽаӡә иакәзар Таиф ипоезиаҿ даҽакала излаизгәакьоу
даҽак аликаашт – иқәреи игәаҳәареи иҵарҳәо ала.
Ҵыԥх, 1989 шықәсазы, ашәыҟәҭыжьырҭа «Алашара»
иҭнажьит Т. Аџьба иажәеинраалақәеи ипоемақәеи иеи­ҳа
инарҭбааны иеидызкыло ишәҟәы – «Аныҳәаԥхьыӡ». Ари,
– Т. Аџьба ирҿиамҭақәа ралкаа еидызкыло шәҟәуп. Уб­
рахьтә ауп, шамахамзар, апоет иҩымҭақәа рцыԥҵәахақәа
ахьын­тәааҳгозгьы. «Автор иҟнытә» захьӡу иааркьаҿу уи

аԥхьажәаҿ апоет, иара ишицәаҩо аиԥш, алаф алыжжуа
иҩуеит:
«– Убри ушәҟәы нарҳәы-аарҳәуа есқьынагьы уаԥ­
хьоит, угәы злаԥнамҵәозеи? – хәаџьак иазҵаазаап абас.
– Саԥхьацыԥхьаӡа аҿыц санаҳәоит! – аҭак ҟаи­
ҵазаап иара. Ахәаџьа ишәҟәы ҿыц ианаҳәоз сыздыруам, аха сара исымоуп есқьынагьы инарҳәы-аарҳәуа
сзыԥхьо, саԥхьацыԥхьаӡагьы аҿыц сазҳәо апоезиатә
шәҟәқәа. Ажәеинраала знык унаԥхьаны, иалоу зегь
аалу­хуа изыҟалом, уи ҩаԥхьа узырхынҳәуа, уздызхало
маӡак шаҵац иаҵоуп. Ари – абаҩхатәра иахылҵуа аса­
хьаркыратә рҿиамҭақәа ирзеиԥшу ҟазшьоуп, аха зегь
раԥ­хьаӡа апоезиоуп иара зҷыдароу»1
Араҟа ак змоукуа ҳәа акагьы ыҟаӡам, иҵабыргу
ҵыбыргуп, ипоетугьы дпоетуп.
Аҟәа, 1990 ш.

Р.S.
Абар, аҩада ишазгәасҭахьоу аиҧш, 28 шықәса раҧ­
хьа Таиф Аџьба изкны изыҩхьаз, раҧхьаӡа акәны абраҟа
акьыҧхь збо сыстатиа. Уи ҩаҧхьа санаҧхьоз, акьыҧхь
ашҟа ианнаазгоз аамҭазы, абасҟак шыҵхьоугьы, Аҧсуа
институт абылра, усҟантәи уи ахәа, аҧырӷы ирылызгаз­
шәа ауп зны машьынкала снапала искьыҧхьхьаз уи анап­
ҩыра шысныруаз. Изызӡари, ҩныҵҟала даара исцәы­
хьан­ҭан, акыр аамҭагьы исзыгәаӷьуамызт уи азыгьежьра,
акьыҧхьра. Зыҧсҭазаара иалҵыз, аҩнаҭа зшьапы алызгаз ауаҩҧсы имаҭәақәа рыкра, рышьҭыхра-рышьҭаҵара
иара дзыҧхаз ишырзымариам аиҧш. Таиф санизхәы­
цуа аамҭазы еснагь сыбла ихгылоит аҩада, сыстатиаТаиф Аџьба. Аныҳәаԥхьыӡ. Ажәеинраалақәеи апоема­
қәеи. Ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара»; Аҟәа – 1989 ш. Аредактор И. Хәар­цкьиа. Атираж 700 (258 даҟьа).

алагамҭаҿ ишысҳәахьоу, уи азыӡырҩра, аилыргара аҽны
иареи сареи машәырны ҳаиқәшәара. Усҟан, аибашьра
алагара даҽа ҩбаҟа шықәса бжьан. Уаанӡа, абри аҩышықә­
са рыҩнуҵҟа Таифи сареи, ҳәарас иаҭахузеи, акырынтә­
гьы ҳаиқәымшәар аурымызт, аха урҭ сгәалашәараҿ
иҟамыз ак аиҧш имҩасит. Иахьагьы-уаҵәгьы исзаанхаз
дҿаҧха-ҿаччо, дыҧхашьа-ҧхаҵо, аамысҭашәарала убри
аҽны дшаасыдгылаз ауп (рацәакгьы ҳаидымхалт).
Иҟам ҳназыдгылаша идамра!..
Аха ара ҽа ҵабыргкгьы ҳәатәыми:
Иаҳдыруеит ибаҩ амоуп Аҧсынра,
Иашәа зтәу уи ибаҩгьы атәыми!..
(Сажәеинраала «Рушьбеи уахь» аҟнытә; 1995 ш.).

Иҟам Леонти Лабахәуа идамра, Самсон Ҷанба идамра…
Наҟ ҳанҭыҵ ҳнаскьозар, Гомер инаиркны иахьа
уажә­­раанӡа заҟаҩ амилаҭ поетцәа дуқәа рдамрақәа, рыз­
қәа ҭыԥқәа бжьаӡхьоузеи!..
Абарҭқәа раан ҩаԥхьа иаҳгәаламшәар ауам ԥсра
зқәым:
Аханатә иҟан Ажәа.
Ԥсра ақәым, ааи, ҳауаажәлар ргәаҿы, рыхдырраҿ
Таиф Аџьба иаанижьыз ажәа ҳарак, ес-ииуа ирыциуа,
ес-иԥсуа ирыцыԥсуа ицәаҳәақәа. Зны Пушкин ари амза
аҵаҟа поетк дыҟанаҵ сыӡбахә рҳәалашт ҳәа шиҩуаз
аиԥш, иаҳҳәар ауеит, Аԥсынра поетк дыҟанаҵ Таиф ихьӡ,
ибаҩхатәра, илахьынҵа игәы иҭынҵәараны иҟам, аби­
ԥарала иргалоит.
Иҟалап араҟа сажәа хыркәшатәызаргьы, аха даҽа
нҵәамҭак сгәы иҵхоит, сзавсуам.
Иаҳхысыз аибашьра иазку сҩымҭа «Аџьынџь» аҿы
сгәы-сыԥсы иртәны, акыр ихьааганы сазааҭгылоит Таиф
ихаҿсахьа, имонолог – «Џьанаҭ» ҳәа хыс измоу ахаҿы.

Аҩымҭа афырхаҵа автор – ичымазара хьанҭа аан, ихдырра аницәыӡуа аамҭазы, џьанаҭ днанагозшәа ибоит,
дырзааҭгылоит убратәи ахҭысқәа, илаԥшҵашәарақәа:
Даацәырҵт, абар, шәахәаҵас, Таиф,
Избац иоуми! – иаацәыригеит илаф:
– Ара иуусуи?.. Аратәи аԥсҳара
Агәашәқәа ус иҟьаҟьаӡа иаартым,
Иуҳәар ауеит: иахьала уаҩ дырхым,
Апостол Пиотр дахнагеит џьара,
Уманшәалахеит, сеигәырӷьоит уаара! –
Иччаԥшь ала дсахәаччеит иара!..
Нас, дааҭгыла, дналагт аҳәара:
– Иудыруеит, исызныҟәеит ишакәым…
Са сааӡаб шәҟәы-быӷьшәы ирным,
Сыуаажәлар рзыҳәангьы ихтым,
Исыхҭыст убратәи џьаҳаным!..
Аҩысҭаа сирҟьалеит убри аҽны! –
Аџьныш срылаигалеит уа сжьаны,
Сриҭеит снага уахь имарианы!..
Излауасҳәои исзаарцаз сара убра? –
Насыԥ рыман уаҟа рызхара
Сытҟәаны сызгоз уа, сеимырхха…
Еҳ, закә гәаӷыз сышҟа идырҵысуаз,
Ишԥархыччоз ҳажәа, ҳа ҳдоуҳа!
Ҳа ҳашәҟәыҩҩра акәзаргь – икәаҳа…
Изласхызгарызыз, ичҳа-чҳа!..
Арахь аарла сыҟан, акашәа
Сыԥсыҽын, сымчыдан уамашәа!..

– Иумҳәои, бызшәоума шәа шәбызшәа?
Бызшәак абас игоума, ишәышәуашәа?..
Ҵыс бызшәоу, уаҩы бызшәоу иара
Абас аиԥш издышәҵо шәгәыбылра?!
Изахьӡузеи аԥсацәа рпоет?..
Шәмилаҭ аума дызхылҵуа апоет?..
Упоетымкәа, иаԥугап Галактион,
Иабарым уԥсыбаҩ шәпантеон…
Шәпантеон! – Мҭаҵминда ахыԥша,
Иҳамоу аҩыза шәрышьҭоуп иасымша!..
Насгьы имилаҭума шәмилаҭ?..
Ауаа иреиԥшым, ауаа ирылам, шәарҭ,
Иамашәки, шәзазыразыми Қарҭ?
Ақырҭ шәҟәыҩҩцәа ираӷоу уара!..
Урҭ рышҟа ихирым, знап иҩахо уара,
Иумбаӡои ишааиз уҿҳәара?! –
Абас иҟам-иным мацара шәкы,
Саԥырхра зырццакышаз даҽа шәкы!..
Иузычҳару ак аҭак ҟамҵо?
Ирҳәауа уазааиуа… укәараҵо?..
Арахь рабџьар иаман уа аҳра!..
– Иаԥҵала уҩымҭақәа, шьҭа, абар! –
Иԥырыҵәҵәеит аԥхьа са снацәкьар!
Иԥырыҵәҵәеит, рыбаҩқәа рхәаша,
– Иарбан шәҟәыҩроу иуаҭәоу, алахша!

Иуҩхьоугьы аҳаргап анышә,
Иуԥхьоит аԥсцәаҳа итрышә!..–
Ахлымӡаах сыхҭыргауан еиҭа,
Сеимырыжәжәон, сеимакуа, хәҭа-хәҭа!..
Сҳақ збашаз дыҟамызт убра!..
Сыбжьы заҳашаз дыхәшәхеит убра!..
Аҵыхәа ԥҵәон, иӡуан ауаҩра!..
Сҭынхак, сҩызак – иҟазу рхабар?
Сыӡбахә наҩыртә, иааҩыртә рхабар?..
Ма суасиаҭ засҳәашаз рхабар?..
Ныҳәаҵас иаԥылеит са сыԥсра,
Уаӷеимшхарала убраҟа са сышьра…
Сыԥсахәага аҭыхра, сышьҭарԥсра –
Дара рымшаԥ, ргәаӷ лашә, ршьоура!..
Иаадыртит убарҭ зегь сыԥсҳара,
Арахьтәи сымҩа, арахьтәи са саара…
Амалаҳәа иуоуӡом ак абра! –
Исцәыӡыз сцәымӡит, иацлеит аҟара:
Аратәи аԥсҳара – са с-Аԥсынра!.. –
Абас иҳәоит… игәы-иԥсы еилашуп…
Излазбо ала аццакра даҿуп…
– Уԥшы, нахьхьи, Иуа дысзыԥшуп,
Абни ашаеҵә аҵа, ахәаҿы,
Убри аеҵәараҿ, адәаҿы.
Уа ҳаицыҟоуп ҳҩыџьагь, ес-иаашар,
Џьанаҭ џьанаҭмызт Иуа абра дсымбар!.. –

Сыԥшит иаразнак сара уахь лассы,
Уахь иеихеит сара сгәы-сыԥсы,
Ихароуп уахь… Иуа дызбаӡом!..
Ари сгәала ус исхыԥсааӡом,
Ахәқәа, ашәаԥыџьаԥ нҵәаӡом,
Адәиаҵәарахь сылаԥш наӡаӡом!..

Таиф Аџьба

Аха ашаеҵә ихаку лашоит,
Аҵхи амши рҳәаа еиҩнашоит,
Уи Таиф изыҳәангьы илашоит…
Еимгеимцарак! – Таифгьы дызбаӡом,
Уи дцеит, днаскьеит, ицәаарак сахьыԥшӡом!..
Ашаеҵә ауп икыду, илашо,
Апоетцәа ашәахәа рхьыршо!..1

Абас иҟан Таиф изку сыстатиа, сажәа. Абас иҟалеит
уи анҵәамҭа.
Сгәы ажьжьоит ари инеиҵыху сажәа Таиф ихаан,
данҳалагылаз иахьызыҩхьаз, илирика иазкыз абзырӡы
аӡбахә ахьиаҳахьаз.
Уажә араҟа иацысҵо: хашҭра зқәым Таиф, Таиф –
аҧсуа поезиа ахьӡырҳәага, аклассик!..
Мушьни Лашәриа,
Аҟәа, 2018 ш.

Шәахәаԥш иара убас аурыс еиҭага: М. Ласуриа. Отчизна.
Роман в стихах. Пер. Н. Ванханен; Аҟәа-Москва, 2018.
Иалкаау
алирика

АԤСНЫ АГИМН
Иҭбаауп адунеи, иҭбааӡоуп,
Иагьбеиоуп, иагьыҧшӡоуп зқьыхкыла.
Аҧсадгьыл атәы даҽакӡоуп –
Уи ауп зегь иреиӷьу атәыла.
Ишәҭуаз анцәа иишаз Аҧсны,
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарҧхоз иахьӡаны
Иҧшьоу ахақәиҭра лашара!
Уа хьӡи-ҧшеи фырхаҵареи згым,
Зықьнашықәса иааирала ицаша!
Бираҟҵас ишьҭыхны ҧсра зқәым –
Ԥхьаҟа, ҧхьаҟа инагала уиаша!
Ишәҭуаз анцәа иишаз Аҧсны,
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарҧхоз иахьӡаны
Иҧшьоу ахақәиҭра лашара!
Иахьӡоит изызшоу аразҟы,
Ахачҳара змоу Аҧсынтәыла,
Аҧсуара иарҧшӡоит зегьы,
Иарҭәуеит абри адгьыл ҵакыла.
Ишәҭуаз анцәа иишаз Аҧсны,
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарҧхоз иахьӡаны
Иҧшьоу ахақәиҭра лашара!
1991

АԤСУАШӘА

АМЗА ЗХАЛАЗ

Уа радари, рада гәышьа,
Иаҳхаагахьоу шьардагәышьоуп.
Иаҳхаагахьоу ҳашьҭагәышьам,
Аринахыс ҳшаҭагәышьа.

Аҵх. Арҵуқәа рыбжьада
Уаҳа бжьыҟаӡам адәны.
Иааҩналашоит ус ауада
Ишеишеиуа амза ҭәны.

Уа радари, рада гәышьа,
Ма ҳқьиара гәаҭагәышьа,
Уа ҳаҧсуара, ҳашьҭра мыӡуа,
Иахьынӡауа ҳажәла шьҭыҵуа.

Лиарҭа дшылҵуагь лымбаӡакәа,
Иоужьны ишлықәыҧсоу лыхцәы,
Ддәылҵуеит - ашә ала дымцакәа,
Ахышә дкылсуеит харҧзаҵәы.

Уа радари, рада рҳәама,
Дгьыли жәҩани рылҧха ҳама,
Ҷкәыни ӡӷаби еидҽырбало,
Хаҵеи ҧҳәыси рҳәоу еинаало...

Аҵх ӡыжьушәа дхыхәхәалоит,
Дызхьынҳалоу... уеилыҧсаап!
Аҭӡы дкыдлан ахыб дхалоит,
Аҭел дықәныҟәоит – аҧсаатә!

Уа радари, ҳҵеира иацло,
Уа ҳшәарҭамхо ҧашәла-дацла,
Ианҳалымшо уа иҳахьӡаша,
Иааҳамадан ҧхьаҟа изгаша.

Амза деиҽырбоит – лгәаҧхара,
Иаргьы лааигәаӡа иааскьоит.
Аблахкыга – раӡынҧсара
Лхарҧ дагәылҧхаауа дкәашоит.

Уа радари, ҳгәыӷра ҳамжьо,
Иҳашьҭалан иааиуа ҧхамшьо:
Уа, ҳаламыс, ҳҵабырг-ҳиаша –
Изхарҳаша, изыздырҳаша.

Ажәҩан аҵан, дгьыл дакӡамкәа,
Лыкәашашьа џьашьатәӡоуп –
Уаҩыхшара ихаҿы изаамго,
Ԥхыӡгьы изымбо кәашароуп.

Уа радари, ҳашәа ҧымҵәо,
Уа радари, ҳамца ҿымцәо,
Уа, радагьа, рада гәышьа,
Еиҭаҳәашьак ҳаҭагәышьа!..

Уи дагәыҵыҳәҳәа шәахәала,
Амза дамоуп дытҟәаны.
Ԥшьаала-ҧшьаала,
Хаала-хаала
Ларгьы лҽалҭаӡоит дгәыкны.

Адгьыл, ажәҩан, аамҭеикәшара –
Зегь ааҭгылоит ишанханы! –
Изаурыдашь аҧсабараҿ
Абри амаӡа еилкааны?..
Закә насыҧыз иаха илымаз –
Акгьы лгәалашәом шьыжьы.
Лхаҵа дихәаҧшуеит – дхәаҽыма?
Ицәгьаӡоупеи ихәда абжьы!..

***
Раҧхьаӡа ицәырҵит абри иаҳхаҧхо
Амра лашара.
Нас – абри адгьыл иахьа ҳазқәынхо,
Адгьыл – мшаҧшара.
Ахрақәа ирылхәрааит арҩашқәа нас,
Рҽеизырган – мшынхеит.
Архақәа, аҿаҩақәа згәаҵа ҧсаҳәаз –
Рызынтәык ҿыхеит.
Иқашәқашәеит нас, игәырӷьеит ашьац,
Аҵла џарџарит.
Ргәышҵақәа намҵакуа амра ашәахәац –
Ԥсыӡқәакгьы хәмарит.
Нас ишәаҧыџьаҧхеит гәаҩагьы хәгьы,
Ашәабжь нархылҟьеит.
Абнара инылыҩт аҵыс абыжьгьы,
Ашәарах нылҟьеит.
Ԥсҭазаарахт, адгьыл иахалеит аҧсы –
Нас ауп санеиха:
Нас ауп, анаҩс ауп, санцәырҵ, ауаҩҧсы,
Зегь анмазеиха!..
Дхыдазма арҭ зегь снапы иазыркыз?..
Иҟоуп сзызхәыцуа!
Рыхьчароуп, арҭ рырбгаракәым ҵакыс
Иамоугьы сцәырҵра!

Арҭ зегь са соуп изықәгәыӷуагьы шьҭа,
Са еиқәсырхароуп!
Арҭқәа зегь рышьҭахьҟа сцәырҵит схаҭа –
Раҧхьаҟа сцароуп!..

АИЛЫҴРА
Анахьгьы иатәымкәа, арахьгьы иатәымкәа –
Иабантәаауеи, хагарак аҵоуп имцымкәа!
Иаалырҟьан амацәыс хәыҵҟьоит, ихысуеит,
Ируша иақәымшәо аҧсҭҳәақәа еилысуеит!
Иҧшам, ифырҭыным – ицәырҵуам изхароу!
Иагьҵәуоит, иагьыччоит, абар, аҧсабара...
Аилыҵроуп, аилыҵра – арҭқәа зегь здыргоу –
Аӡыни аҧхыни ртәы-рымаа еиҿыргоит.
Ақәаҟам, асыҟам – гәыргәырроуп агәгәаҳәа–
Иахылҿиааран иҟоузеи аилыҵра уаҳа!
Аҩ–аамҭак реимак иззаҭода ӡбашьа?
Насгьы, акгьы рзеиламкәа, ирымоума еилгашьа?!
Ргәааибагаргьы – ҧсыҭбада иааиқәтәахуеит,
Еилырхыз аҵкыс ирзеилоу аанхахуеит!

***
Иацтәи амш зырҽхәоз иацралан –
Иара иалачоз шьоукы
Идырџьоит иахьа хаҭала,
Идырџьоит мыцхәы ихҭакы:
– Иацтәи амш ахы лахароуп,
Гаӡарала, гхала иҭәын!
Иахьатәиоуп имраҧхароу,
Иахьатәи – ҳразҟы иатәын!
Ашәа ҳҳәароуп ҳразҟазыҳәа! –
Ашәа рҳәома, иҳәҳәоит, иҳәҳәоит!..
Аҩсҭаа илымҳа џьгәоуп, ашьшьыҳәа!..
Иахьатәи саргьы исгәаҧхоит...
Аха ишәарҭахуп гха збарҭам –
Иахьатәи мыцхәы изшьышьуа:
Иалырхуоуп ҳәа – иарбан иарҭо,
Уаҵәы «шәшьы» рҳәар – иасны изшьуа!

МАҶК...
Ҳгәы ҭаҧнамҽроуп аҵх еиқәара,
Ҳабла хнамкырц ашәахәа –
Ҳаччаҧшь аҵаз аҧсабара,
Ал ишаҵоу аӡахәа.
Маҷк ҳахыччап ҳацәгьа анырҳәо –
Сеидроу, усҵәҟьа ҳацәгьаны?..
Насгьы ҳҿаҧхьа шьоук анхырхәо –
Сеидроу, усҵәҟьа ҳаҧсаны?..
Маҷк зегь зхьаауагьы ҳархыччап,
Маҷк ҳархыччап хьаа змам.
Ччашьа ззымдыруагь ҳархыччап –
Маҷк дыччархәуп ччара злам.
Ҳаилгаларцаз шәыда–чгада,
Ҳусқәа аншәарҭоу есқьынгьы,
Еиӷьу хыхьчага збахьада –
Маҷк ҳахыччалап ҳахгьы.
Ччаҧшьда алашьцарагь ҳхыҵәап,
Дгьыли жәҩани леихашәып.
Маҷк ҳаҧсҭазаарагь ҳахыччап,
Иаргьы ҳхыччап иаҳа шәынтә!

***
Сышгәаҟуаз – лашарак ҟаланда,
Исзымдырӡо исыхьыз, сааԥшит.
Инықәԥырт ауарбажә лаҟәанда,
Абардраҿы ҷынҷак: ҷит-ҷит...
Ашьшьыҳәа, ашьшьыҳәа, ашьшьыҳәа
Ихиааланы ԥсҭҳәа бымбылк цоит.
Афҩыхаа, аԥшшәы-хаа, абжьы-хаа
Еицхыраан ишсыҵгәогьы збоит.

АГӘҾЫӶЬ
Ажәҩан ҵәуоит еихмырсыӷь,
Цәцашьа ҳамаӡам агәҿыӷь.
Рыжәтәгьы ҳамаӡам цәыкәбарк,
Ҿаҳа-ҿымҭ ҳаидхалт, абар...
Ҳақәиан ҳаҵаԥшуеит аҭуан,
Ҳаҟоуп – ҳаҟамзаргь ауан...
Бзиа ҳаҟагьы, цәгьагьы –
Ҳаҟоуп – шьцылароуп зегьы...

Избоит Аԥсны ахы, Аԥсны аҵыхәа,
Аџьалкны сшахыԥогьы збоит.
Сан лыҭәҳәеиԥш, схьаақәа схыхуа,
Аԥшалас хәыҭхәыҭуа исындоит...

АМЗА ЛЫԤШААХҚӘА
Ак азмырхакәа
Абар, лабҿаба:
Кәыркәа хәҷы, кәыркәа ду –
Кәыркәақәа ҩба!
Амза лыԥшаахқәа –
Аԥхын агәҭа.
Иахалаша-хаччоит
Амра алакҭа.
Кәыркәа хәҷы. Кәыркәа ду –
Ҩ-гәыӷрак еицуп.
Адгьылгьы ажәҩангьы
Рхаргалт, иртәуп.

Ак азмырхакәан –
Рыҩба еихьыԥшны,
Кәыркәа хәҷы, Кәыркәа ду –
Акәырқәа еиԥшьны!..
Иуасҳәари уаҳа –
Ҩба узҭо ҩба игоит,
Ҩынтәгьы уангәырӷьа –
Ҩынтәгьы угәырҩоит.
Кәыркәа хәҷы, Кәыркәа ду –
Аԥхын агәҭа...
Амза лыԥшаахқәа
Уреиԥхыӡла шьҭа...

Амш меигӡарахқәа
Рыхаа-рыхҷаҭ –
Уеигәырӷьа-уалача,
Уаланха-уҽаҭ!..
Кәыркәа хәҷы, Кәыркәа ду –
Акәыркәақәа ҩба,
Ах, икәыруеит,
Игьежьуеит аха ишԥа!
Уеиламган, нас,
Уршанха-урлашә ианцо,
Рышьҭақәа хьаан
Удәы ԥшӡа ианҵо!

АҶАНДАРАҞА

АЖӘЕИНРААЛАРА
Шәхьаак сымоуп сара зны,
Шәуск сыгәҭыхоуп, сзыхьӡарызеи?
Хьаа сымамшәа стәаны
Ажәеинраала злазыҩрызеи?
Хьаа сымам даҽазны,
Сҭынчуп, срылгеит сусқәа рызегь.
Хьаа сымамкәа стәаны
Ажәеинраала злазыҩрызеи?
Анкьеиԥш сыхаара лбара
Сцоушәа – сҽалакны лашьцарак –
Ус ауп... Ажәеинраала аҩра
Иаҵоуп, хымԥада, ԥхашьарак!..

Ашәа

Уа, дызбада, уа, дзаҳада –
Лыԥшра-лсахьа деиҿкааны,
Лышьҭрагь наганы, ҳәарада,
Илуа-илҳәо зегь хааны?
Дыҟаз ашьха, дыҟаз ага –
Уи даабар акәын ҳара,
Абри лҩыза агәазырҳага
Ҳлаҩсны ҳцозма ҽаџьара!
Даара, даара, даара, даара,
Даара, даара даҳгәаԥхоит,
Аҷандара, Аҷандара,
Аҷандараҟа даагоит!
Изышьҭадаз калдахәараа,
Изышьҭадаз уаҭҳараа?
Иҟамлароуп шьҭа гәынхара,
Акгьы ҳхараӡам ҳара!
Арԥар зҿузеи, бзиа збаша –
Бармышь, Блабырхәа, Џьырхәа?
Зынџьы исҳәан еиԥш (дара рҳәашьа)
Гәында илышьҭоу иеицырхәхәа?
Даара, даара, даара, даара,
Даара, даара даҳгәаԥхоит,
Аҷандара, Аҷандара,
Аҷандараҟа даагоит!

Аацаа гылан Ааԥсҭа ахықәан
Иаҳзыԥшуеит ишанханы,
Амҩа ҳарҭоит абӷархықәаа –
Ҳашҷандаратәқәоу баны!
Дәрыԥшьаа ҭацала ҳариааиуа –
Малла ибеиоуп – иаарычҳап!
Насгьы, ҳчарашҟа ианааиуа –
Харшәла ишаҵамхо дҳарбап!
Даара, даара, даара, даара,
Даара, даара даҳгәаԥхоит,
Аҷандара, Аҷандара,
Аҷандараҟа даагоит!

ШӘКЫ РҞЫНТӘИ АКЫ
Арҭ амшқәа, сызмоу сеимырҟьо,
Ахәыцрақәа мцаԥшьны исыхҟьо –
Зегь сҳәаргьы сҭахуп, аха иааг –
Изнысҵогьы ццышәхап ақьаад!
Сгәы иҭыхо, исыцрыхо, сызго,
Исхыҵәаз иӡыжьха игазго –
Шәкы рҟынтәи ак ма ианазҳәа –
Иалшоз аҳәеитоуп сцәаҳәа!
Шәкы рҟынтәи, шәкы рҟынтәи акы –
Исзылыԥхароуп... сразҟы...
Ашамҭа иазнеихьеит асааҭ –
Ишкәакәоуп исымҵоу ақьаад!..

« ААИТ, АҲАҲАИ!»
Санаҵоу аидара исзышьҭымхуа,
Еибафо сыԥсахы,
Сзеиҭамҵуа саԥхьа-сышьҭахьҟа,
Сазнымкыло сшьамхы, –
«Ааит, аҳаҳаи!» – аԥсышәала
Ахаҵа игәы ҭызго абжьы
Саҳааит, убасҟан! Ҽышәала
Еизызгоит сымчқәа зегьы.
Ақәԥараҿ ахызаҵә сықәшәан,
Исыҵкьаса ицозааит ашьа,
Сышьҭазааит сымчқәа зегь сылшәшәаны,
Аха иудыруаз, сашьа:

***
Сыцәоушәа сыцәамшәа,
Ԥхыӡушәа ԥхыӡымшәа,
Уахынлоушәа ҽынлоушәа,
Бакәушәа бакәымшәа,
Бааиуашәа бмааиуашәа,
Быччоушәа, бҵәуашәа,
Аӡә дбыцушәа дбыцымшәа,
(Дхаҵоушәа дхаҵамшәа),
Быԥсы ҭоушәа иҭамшәа,
Сыбҭахушәа сыбҭахымшәа,
Бцазшәа, баанхазшәа...
Изакә ԥхыӡ ҿаасҭазеи
Сара сызлаз!
Ԥхыӡ имбозар акәхап
Бара бызгаз!..

«Ааит, аҳаҳаи, иуқәшәазеи?!» –
Исаҳааит убжьы ҿацаӡа,
Ашырҳәа сҩаҵҟьап, ак змыхьӡаз иеиԥш,
Сҵарӡа!
О, изакә гәамчузеи иаҵоу
«Ухаҵами, ааит, аҳаҳаи!»
Мап, сара ахаангьы схьаҵуам,
Исыцнаҵы «Ааит, аҳаҳаи!»

***
Аҵла иалҩрыз – ҳаилахаа ҳцеит иҳәеит,
Зызхарафан иҟаз – аӡәгьы амла дакуам иҳәеит.
Ауаа зегь зцәымӷыз – аӡәгьы сиҭахым иҳәеит,
Зегь зҭахызгьы – зегьы сырҭахуп иҳәеит...

АМҨАН
Сабаццакуеи амҩа сануп,
Чаракаҿ сыҟан саауеит.
... Аԥшәма иуалырқәа зегь ҭәуп,
Иамеигӡакәа аҩы рнаҳауеит...
Аҩынаҳа, саҵәцақәа рҭәы
Бла хаала са дысзыԥшуан.
Аҩы иҟанаҵон иара атәы...
Изжәит, изымжәыр ԥхашьаран.
Уажә ашәагьы сҳәоит сара нҵәа,
Сашәабжьы наҩуеит хара.
Ажәҩанаҿ дыҟоуп анцәа,
Адгьылаҿ сыҟоуп сара!

Ҩ - ԤСҬАЗАРАК...

АԤХЫӠ

Ҩ-ԥсҭазарак ҳамоуп адә иқәу зегьы:
Ҳаблақәа ирхыҵуам еснагь руакы,
Иааины иаагылоит аҩыза ҵәахны...
Иҳамоуп, ҩ-ԥсҭазаарак ҳамоуп ҳара:
Ак ҳамала иаҳтәуп, егьи раҳҭоит ауаа.
Актәи ҳаԥсҭазаара ӷәӷәоушәа ҳажьоит –
Ҳаҟанаҵ иҟоуп, ҳаныҟам иԥсуеит.
Аҩбатәи ауп ҳара ҳашьҭахь инхо,
Мышкызны, ҳаныҟамгьы, ҳаӡбахә зҳәо.

Раԥхьа сзыдгылаз ахаҳә
Инахысҟьеит сҟамчы:
Гәында-ԥшӡа саԥхьа даацәырҵит,
Лкалҭ илахысуа лыхцәы.
Анаҩсшәа ишьҭаз ахаҳә
Инахгеит апҟаца:
«Ҳаи» ҳәа даагылеит убра
Нарџьхьоу деиқәҟаца!
Ахынтәраан ианысҟьа сҟамчы –
Зынӡак имацәыст:
Саԥхьаҵәҟьа ихҿа рыхханы
Даагылт Хәажәарԥыс.
«Дарбанушь ишьҭоу дырҩегьх
Абра ихаҳәханы?» –
Снеи снахагылт ҽа хаҳәык,
Аха... сааԥшит сцәырҳаны.
... Ах, зыӡбахә уаҩы имаҳаӡацгьы
Збарын иагьаҩы,
Сзырхысыр, сҟамчы нарыхҟьо,
Ахаҳәқәа зегьы!

***
Ари амшгьы цеит ашьшьыҳәа,
Имҳәа-мырзакәа рацәак.
Инеихызгеит саргьы акы ҳәа
Сыҿҳәара мыждахь шьаҿак.
Ных, аԥсҭазаара гызмалуп,
Иҳамбакәоуп ишҳацәцо.
Ҳзықәнаргәыӷуа жәҩанӡа ихалоит,
Аха имаҷуп ҳзыхьнагӡо.

СЫԤСҬАЗААРА- СДАҞЬА
Сыгәҭыхақәа, схәыцрақәа, сусқәа зегьы
Даҟьак ианысҵарц исымоуп саргьы.
Даҟьак закәызеи, имаҷуп зынӡа,
Даҟьак сҭаӡароуп. Еҳ, слахьынҵа!..
Даҟьак иакуама, ак нхоит ак уҳәар,
Даҟьак иакуама, ак нхоит ак ҟауҵар...
Сыԥсҭазаара – сдаҟьа сахӡыӡоит сара –
Ирыцҳауп ианшәалар иаԥсам ак џьара!..

Аха усгьы саԥхьа угыла,
Сгәыӷра, снагала сжьа-жьо...
Исзааугозеишь амш игыло!
Уара уакәӡоуп сгәы зҟажо.

АМРА ССИРУП АҬАШӘАМҬАЗ
Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит.
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит.
Имариоума зегь рзыҳәа
Иахьа хәлаанӡа абылра?
Имариоума нас ашьшьыҳәа
Зегь ааныжьны ацара?
Аха гәыҩбарак анымкәа
Игәыбзыӷуп ахаҿы,
Игәазырҳагазҭгьы уажәынӡа –
Игәыҿкаагаӡоуп уажәы...
Зымҩа нҵәода, ас изцода,
Зынӡа хьаас иҟамҵа?
Ас анышәара зылшода
Абри аҩыза алахьынҵа?
Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит.
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит!..

АРҨАШҚӘА
Арҩашқәа, арҩашқәа,
Ашьхақәа ирхылҵыз –
Урҭ рҟазшьеи
Рлахьынҵеи даҽакуп.
Арҩашқәа реиԥшым
Аӡиас ҭбаа дуқәа,
Зҽеиҵыхны қьафла
Архақәа ирну.
Арҩашқәа, арҩашқәа,
Ашьхақәа ирхылҵыз,
Ишырҭаху амҩа
Ианым иҽырбо.
Ахрақәа ирылҟьо,
Абахәқәа ирыҵҟьа,
Ицоит игәамҵ-хамҵуа,
Ицоит ак рымбо.
Ирымам атәаха,
Ирымам аԥсшьаха,
Раԥхьаҟа ҿҟьароуп,
Рышьҭахьҟа хроуп.
Иҵҟьо, рыҽкыдҟьо,
Адунеи ду рыԥсы амкуа,
Ишгәаҟуа мацара
Имҩасуеит, уиоуп!
Арҩашқәа реиԥшым
Аӡиас ҭбаа дуқәа,

Зҽеиҵыхны қьафла
Архақәа ирну.
Аӡиас ҭбаа дуқәа
Ирдыррангьы иҟам
Арҩашқәа ирхьаау,
Ирхырго закәу!..

БЫӶЬКАԤСАНТӘИ АԤХЫӠҚӘА
Аҵлақәа еилнахуеит аԥша...
Уцәа дырҭынчуам аԥхыӡқәа:
Зегь реиҳа узықәгәыӷуаз уашьа
Иалеиҵеит аҳәызба узқәа...
Иубоит: амҩаду агәҭаны
Тышак улҭаҳа ухәаҽызшәа.
Умч мырхакәа ҽазны
Унаган уԥсы шҭоу уржызшәа...
Мап! Уара ухьаауп иԥсыз,
Ухьаауп инаганы иржыз.
Амҩан иуцҳарц иԥшыз
Амаҭаԥшь ауп уашьа иишьыз.
Баша уажьоит быӷькаԥсан,
Имцуп быӷькаԥсантәи аԥхыӡқәа.
Аҵлақәа еилнахуеит аԥша,
Иӡыӡоит иҿымшәац абӷьыцқәа...

***
Сусқәа неилажьны сцароуп аамҭала,
Уахь, уаҩ дахьықәым ҭыԥк ахь џьара.
Исҭахуп схи сареи ҳхала ҳаидхалар,
Ҳхала ҳаицәажәар убра ҳазхара.
Исҭахуп сара уа смыццакыкәа,
Сашәақәа ирыгу, ирцәыӡыз сыԥшаар,
Аҵарақәа рашәақәа ирҳәо шәҟәы мкыкәа,
Рашәа хақәиҭқәа сҭахуп исаҳар.
Сбылгьар сҭахуп сара ашьацраҿ мархәацҵас,
Маамынҵас ҵлакы сахьынҳала сгьалар.
Исҭахуп сара ргьамақәа збар адац-мацқәа,
Ԥынҵала бнацәҵас арҩаш сахәар.
Исҭахуп сара уа аԥсҭа-ккара ҭсырцәажәар,
Гыгшәыгҵас снагылан ишсылшо сыҳәҳәар.
Исҭахуп сара схала, сыԥхамшьо сыгәжәажәар,
Исҭахуп иара убас сызхараҵәҟьа сыччар...
Сусқәа неилажьны сцароуп аамҭала,
Уахь, уаҩ дахьықәым ҭыԥк ахь џьара.
Исҭахуп схи сареи ҳхала ҳаидхалар,
Схала сазхәыцыр сзакәыҵәҟьоу сара...

АСЫ ШЬҬЫҴУЕИТ...
«Аӡынтәи ажәеинраалақәа» рцикл ахьтә

Асы шьҭыҵуеит,
Асы шьҭыҵуеит,
Иааԥшуеит адгьыл аграқәа.
Асы шьҭыҵуеит,
Асы шьҭыҵуеит,
Ҩаԥхьа ицәырҵуеит сгәырҩақәа.
Асы шьҭыҵуеит,
Сара схәыцуеит,
Лассы ишьҭыҵындаз асы!
Асы шьҭыҵуеит,
Сара схәыцуеит,
Сыззыԥшузеишь, сыззыԥшы?
Асы шьҭыҵуеит,
Асы шьҭыҵуеит,
Аӡқәа еибафоит, ихәашьуп.
Зегь еилалоит,
Зегь еилыҵуеит,
Зегь аԥсеизгара иаҿуп.
Са сгәы ҵәуоит,
Са сгәы ҭыҵуеит,
Сыԥшуп сыблақәа хҩаны,
Насыԥк ыӡуеит,
Насыԥк цәырҵуеит,
Еисуеит рыҩбагьы сгәаҟны.
Насыԥк ҿыхоит,
Насыԥк ыцәоит,

Еихәлахоит сара сыԥсы.
Асы шьҭыҵуеит,
Асы шьҭыҵуеит...
Лассы ишьҭыҵындаз асы!

***
Изакәызеи исыцрымшәо,
Сахьцалакгьы зыбла сху?
Ажәҩан иалоу, адгьыл иқәу,
Ма са сгәаҵан иҵәаху?
Џьара акыҟоуп – акгьы звымшәо,
Зегь здыруа, зегь збо.
Џьара акыҟоуп – заԥхьа схырхәо,
Џьара акыҟоуп – зыгәра зго.
Адунеиаҿ зегь ирышьҭоу,
Зегьы ирԥызгало ирыхәҭоу.
Џьара акыҟоуп – зҿынӡа ҳхамлац,
Џьара акыҟоуп – зынӡа иԥшьоу.
Ҳанамыхәогь ҳгәы казмыжьуа,
Ҳгәаҟрагь иазҭо аҵакы –
Џьара акыҟамкәа – ҳзышьҭоузеи,
Ҳаԥсы зҭоузеи зынӡагьы?!
Џьара акыҟоуп – исыцрымшәо,
Џьара акыҟоуп – зыбла сху.
Ажәҩан иалоуп, адгьыл иқәуп,
Ма са сгәаҵаҟны иҵәахуп...

***
Исзыԥшыхын ҵыси ҳәыҳәи
Еизаны,
Ашәа сҳәахуан ԥхыӡла сыблақәа
Хҩаны:

***
Аиашаз, сыздыруам ишсыхьыз...
Салҵызшәа амҩан аԥхыӡ,
Игәасҭеит ишсамхаҳәаз быхьыӡ,
Ихәыҵаршәны сгәаҵа иҵәахыз.

«Абри ақәацә хәыҷ са сзыҩнымҵуа,
Анцәа сҟаҵа!
Игәыҟаҵаган сашәа ԥымҵәо,
Анцәа сҟаҵа!

Адунеи зегь иаразнак еигәныҩит,
Сымаӡа рхыҵәеит зегьы,
Ирхыҩит, ирҿыҩит, ирныҩит,
Сымаӡа еибырҳәоит зегьы.

Сыҩны хьшәашәаз, иҟаз сашәа
Цаҳәцаҳәо!
Шәхаҵкы сцааит сара сашәа
Згәаԥхақәо!

Аҵлақәа еидгыла ихәыҭхәыҭуеит
Иааҟәымҵӡакәа: «Бзиа дызбоит!»
Жәҩанаҿ аҵарақәа еиқәҿырҭуеит:
«Ижәдыруама, бзиа дызбоит!»

Илашьцахааит са сыԥсҭазаарагь
Зынӡа –
Убри акәзар ашәа зхылҵуа
Илашаӡа!..»

Арҩашқәа гәаҟуа иахьлеиуа
Ирымҩатәны: «Бзиа дызбоит!»
Ашьхақәа, хьымра шеишеиуа
Изхалашо: «Бзиа дибоит!»

Шьоук ааскьахуан рцәашьқәа шьҭыхны,
Са снаскьон –
Шьҭахьҟа сцахуан сара наҟ –
Сааԥшыр ҳәа сшәон.

Сышьҭахьҟа, саԥхьаҟа шыҟоу,
Зехьынџьара сыхьӡала иҳәҳәоит:
«Уаҳа бжьы мнаҩӡои бахьыҟоу,
Ибықәшәазеи: бзиа бибоит!»

Са саргәырӷьон, са сарҵәуахуан
Сыбжьы...
Инасыԥын са сызгәылаз
Уи ашәшьы...

***
Са сзын шәара ижәуа сымбакәа!
Шәа шәзын иагьа зуеит схаҭагьы.
Са сзын шәара ишәҳәо смаҳакәа!
Ишәзысҳәо шәмаҳакәа шәаргьы!
Сгәы акәзар – имақьам, ишьанҵам,
Ианыруеит амаҷгьы маӡа.
Иҟоуп сызхьымӡац иахьанӡа,
Иҟоуп сызхьымӡо зынӡа.
Шәа исзыжәуеи исзышәҳәои мацара
Рҭак ҟасҵалап ҳәа саҿым,
Уи ада ԥсабарак, лашарак
Сызгәамҭо слашәхаргьы сҭахым.
О, иалшоит исхашҭыр сышнеиуа
Шәа шәыцәгьеи шәыбзиеи зегьы.
Амала, ижәдыруаз, сгәаҭеиуа,
Шәхаҭа саншәыргәаҟуа аҽынгьы:
Зегь реиҳа шәзықәгәыӷуа рҽыԥхьакны
Иаргылар убас аамҭакы –
Сҟалом зегь ззеиԥшу аӡә сакәны –
Сзыԥшуам сара аганахь стәаны!

АМШ ИАНАЦЛО
Игәыҭгагоу, илахҿыху
Сара исымоуп аамҭакы, –
Са сгәы ҿыхоит, са сгәы сыхоит
Амш ианацло есқьынгьы.
Ашьыжь заа амра гылоит,
Иҭашәом уаанӡеиԥш лассы,
Амш иҿыцу заа исԥылоит,
Заа сҿыхоит шырԥазы.
Избоит – алашьцара хьаҵуеит,
Амш ду саԥхьаҟа исзыԥшуп.
Аҵх инагхаз – амш инацлоит,
Аҵх инагхаз – сара истәуп.
Шьҭа срыхьӡап уаанӡа сызхьымӡаз,
Аҵх иацәызгап иагахьоу,
Амра шкыду сцап сахьзымцо,
Ҩаԥхьа исыргьежьп ицахьоу.
Игәыҭгагоу, илахҿыху
Сара исымоуп аамҭакы, –
Са сгәы ҿыхоит, са сгәы сыхоит
Амш ианацло есқьынгьы.

Исхашҭуам, ишәасҳәоит имӡакәа,
Исхашҭуам:
Сызшаз иҭахын
Неилыхрак, неилыхрак ҟамҵакәа
Мраҵас сыԥхаларц зегь рзын!..

АЦӘЫКӘБАР ХӘЫҶ
Ҩаԥхьа схала сынкахәыцуа сыбзыԥшуп,
Аеҵәақәа рыбла аӡаҵахьтә исзыԥшуп.
Ҩаԥхьа схала амахә хьынаа, зымҵа стәоу,
Разын ӡаӡоуп ицырцыруа иахьыршоу...
Сылаԥш алахеит аӡыжь, абар, избоит,
Ҭынчроуп, быгага есааира иааигәахоит.
Ус, ашьшьыҳәа бааиуа-бааиуа, быҽӡаны,
Бнапқәа еиҵыбхит, сыбла хыбҩарц бааскьаны.
«Сылашара, сыбзыԥшуижьҭеи иҵӡои?
Сылашара, уаанӡа ҳшыҟаз еиԥш ҳҟамлои?»
Ацәыкәбар хәыҷ аҽазнымкылакәа инҭалт,
Амахә иалшәан акәапаҳәа аӡыжь ихҭәалт.
Ҩаԥхьа исзеимҟьаз адунеи аашаҟь-шаҟьеит,
Уи ацәыкәбар заҵәык ахала иааԥнаргеит...
Ҩаԥхьа исцәыӡыз адунеи ссир сазыԥшуп,
Ацәыкәбаргьы ҩаԥхьа аҽеизакра иаҿуп...

***
Амҩахәасҭеи амза иҭәуи,
Нас бареи сареи – убра,
Иашьны иҟоуи зхы зтәуи –
Ах, ҳашԥеидхалеи ҳара!..
Аха усгьы, сара иџьасшьо,
Исызгәамҭакәоуп сшашьыз,
Аха усгьы, сара иԥхасшьо,
Зынӡа исзымжәуазаап арыжәтә.
Ҭынч сызбыхәаԥшуам, сызгылом,
Унаскьа, бҳәеит, унаскьа!
Аха, ишԥазуеи, сырзынкылом,
Сырзынкыломеи сшьапқәа?..
Мшәан, са сымацара изжәуазма?
Ҳаибаныҳәан иаҳамжәуаз,
Зынӡа агьама бымбаӡазшәа,
Нас ишԥаҟалеи абас?..
Амҩахәасҭеи амза иҭәуи,
Нас бареи сареи – убра,
Иашьны иҟоуи зхы зтәуи...
Ах, ишԥамариоу саршьра!

СБЫҲӘОН...
Сбыҳәон: сырҿыха, сырҿыха!
Сзымқәацо сԥахны сышьҭан.
Ҳәызба цагәык сыхәда иаҿырхо,
Гызмалцәақәак ааины исхан.

УАԤСУАРА УЗАХЫМԤЕИТ
ҲӘА САЗҲӘАЗ ИАХЬ
Исыздыруам уара ушыԥаз,
Исыздыруам уара узхыԥаз!
Сара саԥсуара сзахымԥеит,
Уи сахыԥартә илаҟәымхеит!..

Акәакь быкҿагылан ашьшьыҳәа,
Сыхаара, сшыббоз сыршьуан.
Сбыҳәон: сырҿыха, сырҿыха!
Быхьшәашәаӡа ус бысзыԥшуан.
Иԥҵәеит сызлаԥахыз ашаха,
Ашырҳәа сҩаҵҟьеит сыҳәҳәан.
Снабыхәаԥшит сыбла ҭырхаха:
Избан сзыбмырҿыхоз, избан?
Бхызагьы бнаха, браҳаҭны
Быцәан насыԥла быҭәны.
Аԥенџьыр ахьтә амзагьы бгәаҭан
Ибыхәаԥшуан бзиа ббаны.
Сымаалықь, сымра лашара,
Бҭынчыз, саҭамыз, бымшәан.
О, сеидру ба бҿаԥхьа са исхароу...
Избан сзыбмырҿыхоз, избан?

АҾЫХАРА

САН

Исԥылон, ихырхәон, исыҳәон,
Рыбла сзыԥшын ихааӡа,
Аха сгәы мыжда сыхон
Саԥхьаҟа наҟ хараӡа.

Ааԥынраз, ашәҭқәа быҽрылак,
Баацәырҵны сара бнасҿаԥхоит.
Зны сыблақәа хыбкуеит бааҭгылан,
Нас ԥшьаалаӡа-ԥшьаала бааскьоит.

Наҟ џьара, ажәҩан аҵкарахь,
Слышьҭан абааш иҭакыз.
Ибдыруама, агәыӷра ишаркараз,
Сшырхашҭыз игәыӷуа исзыԥшыз?

Сынҭалеит уа ҳашҭа икеикеиуа,
Аарла схыԥшылоит блакҭа.
Блакҭа-хаа – зегь реиҳа ишеишеиуа,
Зегь реиҳа изырҟәандо сгәаҭа.

Сызхьымӡаз, иахыргаз са счара,
Исыздыруам шьҭа иамоу ҿҳәарас...
Сааԥшызар – ихтуп аԥсабара,
Сиҩызоуп аӷьыч – изыкәшаз.

О, сан, бара бцәымза лашароуп –
Аҿықәахь сыӡхызго сара!
Амшынуаҩ, ацәқәырԥ иаркараз,
Аҵыхәтәан сазааит асқьала.

Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 06
  • Части
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 01
    Общее количество слов 3436
    Общее количество уникальных слов составляет 2263
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 02
    Общее количество слов 3499
    Общее количество уникальных слов составляет 2307
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 03
    Общее количество слов 3435
    Общее количество уникальных слов составляет 2389
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 04
    Общее количество слов 3323
    Общее количество уникальных слов составляет 2325
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 05
    Общее количество слов 3167
    Общее количество уникальных слов составляет 2178
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 06
    Общее количество слов 3214
    Общее количество уникальных слов составляет 2190
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 07
    Общее количество слов 3447
    Общее количество уникальных слов составляет 2213
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 08
    Общее количество слов 3419
    Общее количество уникальных слов составляет 2335
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 09
    Общее количество слов 3296
    Общее количество уникальных слов составляет 2328
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 10
    Общее количество слов 3053
    Общее количество уникальных слов составляет 2055
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абаҩхатәра лыԥшаахқәа - 11
    Общее количество слов 163
    Общее количество уникальных слов составляет 149
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов