Latin

Абзиабара ашәа - 13

Общее количество слов 2075
Общее количество уникальных слов составляет 1508
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
Асҭа лыблақәа алаӷырӡ рҭыҵны акәапасапаҳәа
аԥенџьыр ахышә акакала инықәҭәоит. Адунеи аҿы
иҟамло иҟоузеи? Абыржәы Асҭа илызҵаазҭгьы,
зегь реиҳа ибҭахузеи ҳәа, аԥсҭазаара мҳәакәа,
Адгәыр даар сҭахуп ҳәа аҭак ҟалҵон. Аха ус уаҩ
длазҵаауамызт, машәырк ихьзар ҳәа дшәон.
Лхаҭагьы есааира иџьалшьон шаҟа дихӡыӡаауаз.
Лгәи-лылаӷырӡи еилаҵәо, лгәи лыхшыҩи еима­
даӡамкәа зегьы лара илхьаан. Издыруада, Адгәыр
уаха дмааӡозар, дыхәмаршәа акәзар «быс­
зыԥшыз» ҳәа шлеиҳәаз?.. Иара иҟынтә иаауаз
игәы аԥхара дарҭынчуамызт. Аӡынра ааиргьы, уи
хьшәашәомызт.
Асҭа Адгәыр иҟазшьа аилкаара дашьҭан. Зны
иҽырхықәымҵан длацәажәон, зных – абҵас
дижь­жьон, даҽазных – бзиа иибо ԥҳәызбаны
иблақәа дыргәыдрыҳәҳәалон. Лгәыԥжәарақәа
лхалыршҭуан, Иринагьы дыҟаӡамызшәа ԥхьаӡаны,
адунеи ҭбааҿы иараӡәзаҵәк далхны длыман.
Жәҩангәашә аатын, Адгәыр дылбазшәа лбон.
Адгәыр игәамԥхаз иҳәон, игәы акы алазар ихыиҿы ианыԥшуан, аха ихьаа адәахьы ицәыриго­
мызт. Асҭа маӡа-аргама иага диргәаҟыргьы, зегь
иана­лыжьуан.
Ишасыц иасуан аԥша. Уи аҵлақәа ргәаӷ амаз­
шәа акәын маҭәас иршәыз абӷьқәа шыҿнахуаз.
Аамҭа цаӡомызт, ус ауп ишыҟоу акы уанахыццакуа.
Зны-зынлагьы лгәы иныҵаххуан иара дахьцоз
ахьлаимҳәаз, иҟамлоз лара дшизымҵаашаз
еиликаазҭгьы. Аха мап, илдыруан аӡә иҿаԥхьа
ахыларҟәра иара изы иаанагоз, агәра ганы дыҟан
ихымҩаԥгашьаз ахаан дшимырԥхашьоз.
Асҭа лҿаԥхьа сахьашәк ииасуан. Урҭ шҵакыдаз
лгәы шазҩозгьы, аҵыхәтәантәи лхәыцра маҷк лгәы
аархәашьит. Лыбла иааин иаахгылеит зныкымкәа
Адгәыр ицны илбақәахьаз аӡӷабцәа. Лылахьгьы
зынӡа инеиқәылеит азныказ, нас, дааиԥхьхәы­
цааит, мшәан, лара акы даԥсамызҭгьы, Адгәыр
дирҽхәозма? Лхаҭагьы илзеилымкааит илыхьыз,
Адгәыр лызҿиҭызшәа лаҳан, деигәырӷьан, дыҩны
ашә ааимԥаа абарҵа дныҵаххит. Амш шыҟац
иҟан, амала, идыдуамызт, имацәысуамызт. Лхы
налыкәаҽны, аҩны иаҵагылаз агәашьа хьшәашәа
лыҽнадҵан, ԥшьаала лхы кны ҵаҟа днатәеит.
Ақәыԥшра иунамырҟаҵо иҟоузеи? Агәашьа
дшадиаалаз, ахәыцра хаақәа ирылаз аҭыԥҳа,
ацәа дынҭанагалеит. Убысҟан агәашә аҷараҳәа
иаартны Адгәыр ашҭа дынҭалеит. Абжьааԥны
иҵыхәаршәшәо иԥылалоз ила, уахагьы иҩны
инаиԥыххылан, игәыдԥало иалагеит. Ибжьы рмаҷ­
ны ала дацәажәо, дахәмаруа хыхь амардуан
даҿаларц иҿынеихоны, дааҭгылеит. Ихы инаркны
ишьапаҟынӡа днеилууаа дцеит. Ала наҟ дагәҭасны,
дласны иҿынеихеит Асҭандараа руада шыҟаз,
лара лшьамхқәа рҿы хчҵас лнапқәа лхы иаҵаҵан
дтәан. Иҟаиҵара изымдырит, маҷк дааԥышәарччан,
ихы ларҟәны иаргьы Асҭа лаԥхьа днатәан, изнапык
шьҭыхны лыхцәы иналишьит.
– О Ҳазшаз, сышԥалызгәышьуеи, дышԥасҭа­
ху… – даауазырын, инацәкьарақәа лмахәар ина­
хьишьырц днахон, изымгәаӷьыкәа бла хала
днеиԥхьишьышьааит.
Ԥыҭрак ус длыхәаԥшуан маалықьҵас ицәаз, нас инапы еиҭа лхахәы иналишьит. Усҟан
Асҭа аҭҳарцәҳәа дҿыхеит, дагьшәеит. Аха
Адгәыр шиакәыз аныл­ба, даақәыԥсычҳан, дааԥышәарччеит. Иара дааи­гәыҵаиҳәҳәеит.
– Шаҟа убааӡоузеи, ахьҭа улалоит.
– Егьсыхьуам, – есааира инапқәа лыкәыршо
иара иахь даалыхон. – Бца, ҭынч бышьҭалан быцә,
амала, ари аҩыза сыбмырбан… – иаҳа-иаҳа лхылҿы идирӷәӷәалон…
– Ухала уҟоума?
– Ыы? – лнапқәа аанкыланы данылҿаԥшы, ииҳәашаз иҿамшәеит.
– Суҳәоит, Адгәыр, суҳәоит, урҭ арахь иааум­
галан, ианамуӡах дара рахь уцала, уаҳа исылшом
урҭ рбара, – лҳәан, илзымычҳакәа данамхаҵәыуа,
днаимпыҵҵәраа
луада
ашә
ааимԥааны
дныҩналан, аҩныҵҟала ацаԥха алыркит. Уи
лыбжьы мыргаӡакәа акыр аамҭа дҵәыуон,
лыгәгьы дҭахәыцуан: «Ирод бзиа дызбоит
ҳәа сыҟазижьҭеи шаҟа ҵуаз, аха ахаан уи изы
сыгәгьы мԥшаацызт, лаӷырӡыкгьы касымҭәацызт.
Уи бзиабарамызт. Сишьцылан, бзиа дызбоз
џьысшьеит. Адгәыр ихы сгәаимырԥхазҭгьы, сна­
сыԥдахон, ацәанырра цқьа закәыз еилкаа­шьак
соуамызт. Уажәтәи сыгәҭахәыцрақәа исзаа­
дыртыз рацәоуп, зегьы даҽа ԥшшәык аархәеит,
сгәаанагара аҽеиҭанакит. Ԥхьаҟатәи сгәырӷьара
зцыз хәыҷран, иара иагьацымҩасит. Уажәтәи
сылах­ҿыхра, сылахьеиқәҵара зхылҿиааз сцәа­
нырра ауп, инаунагӡатәиу. Бзиабарада адунеи
ҭбаагьы шыхкаам узгәаҭом. Ԥхьаҟа, ашәаԥыџьаԥ
шәыга иаҵәала, ашәҭқәа – ԥшшәы хкыла ишәыз
ҵиаақәазҭгьы, уажә абӷьыцҵәҟьагьы иаду­
бала­ша, иахуҳәааша рацәоуп. Адунеи блак ала
сана­хәаԥшуаз, аҩбатәи иабашаз аган иавахан
иҟан. Сгәысҽанӡамкәа сыҩныҵҟантә мра шәа­
хәацк аҽанцәырнага, адунеи зегьы сзарлашан,
сыгәҭынчра арӡит. Зегьы даҽа цәак рхалеит,
абзиабара акаҭа анысхаԥанахыс. Исызгәамҭоз
ра­цәа­заарын, сзылхәдааз сазрыцҳан.
Сыԥсҭазаара зегьы Адгәыр шьаҭанкыла еиҭаи­
кит. Бзиа избаз иԥа сара дсықәлоуп, ари шаноуп,
иагьшәарҭоуп. Аха… аха… сыԥсымзар, сара иԥҳак
леиԥш ауп дышсыхәаԥшуа, сара уи сзыхгом.
Уаха исамхаҳәазгьы имаҳазшәа иаҩижьит. Сара
кырынтә исцәаргамахахьоу маҷым, аха иара
изкӡамызшәа хырҩа азиуеит»,
«Бхәыҷуп, бысгәаԥхом, бысҭахуп» уҳәа, иар­
банзаалак дидызхало, ма хара дицәзыргылаша
ажәакгьы леиҳәом.
***
Шьыжьуп. Ажәҩан зегьы ԥсҭҳәала ихҟьан. Анаара ацаха ԥжәахақәа реиԥш иаҳа ихеиқәараз
аԥҭақәа рҽырхаан, дара-дара еицәтәымушәа
ажә­ҩан рыҽкыдхалара иашьҭан. Ашьаршьаф
татеиԥш акәын урҭ шыҟаз. Аԥжәарсҭа ҭыԥқәа рҿы
амра амчра зегьы аҭан ашәахәақәа рцәыҵыжьра
иаҿын.
Еилахынҳәуан аԥсҭҳәа хәыҷқәа. Адуқәа – рҽеи­
зак мраҭашәарахь рхы рханы, ԥшьаала иӡсозшәа
анаскьара иаҿын.
Амшынгьы цәқәырԥон, аха ашыкьыбжь
думызт. Аҷнышқәа уарлашәарла иҵәаа-ҵәаауа
иаацәырҵлон, ихыгьежьаалон, кәаԥ-кәаԥҳәа
аҟәара инықәлон ӡәыр хәашақәак ицәкашәар,
амшын ԥсыӡ хәыҷқәак алаԥсазар еизырыҟәшәарц.
Аԥенџьыр аҟынтә иԥшуаз Асҭа лҵарахьы
дцарцы, лышәҟәқәа реизакра дналагеит. Лҽа­
неиқә­лыршәа, ацаԥха наркны днадҵуан еиԥш,
лшьапаҿы икаршәыз абӷьыц лылаԥш нақәшәан,
иаашьҭылхит.
«Асҭа. Блекциақәа ныжьны асааҭ жәаҩа
рзы бнеи аресторан «Амра» аҟны, сыбзыԥшуп.
Адгәыр», – ҳәа анын. Лоуразоуроу даалашан,
мрашәахәаҵас деикәаԥхо, лышә еиҭа иаартны,
лышәҟәқәа ыршәны астол инықәыжьны, дыҩны
асаркьа днадыххылеит. Иԥаз лыхцәы ааԥыртланы
лхы аалҟьан, аҵәаԥшь, асақә, акарандашь уҳәа
зегьы цәырган асаркьа днадтәалеит. Лхы-лҿы
анылшә, ак лшәылҵан – илшәылхит, ҽак аалган
– иҽеимхеит. Зегьы грак-грак рыман илбон.
Нас илулак акы алылхит. Асааҭ жәеиза рзы
днеихьан реиқәшәарҭаҿы. Аҩны лгәы дартәомызт,
аҟәарахьы дналбааит. Амш еихыкка иҟалахьан.
Аԥсҭҳәақәа еимзырбӷьыжәааз амра каххаа иԥхон,
уи ашәахәақәа амшын иахьӡаанаԥсалоз, хьы
раӡнушәа еилыџьџьон. Амшын агәҭа хьтәы цҳак
хылазшәа икәалыкәаџьо, аеҵәа хәыҷқәа иакуаицәо, еибарԥо амшын ихын. Аҷнышқәа ҵәаауа
еилаҩеиласуа рыбжьы оумак ала ицәгьан.
Асҭа даҵашьыцуан
аԥша. Уи Адгәыр
деиԥхьнашьшьаауан, адгьыл дзықәныҟәоз лара
дахӡыӡон. Асҭа лхәыцрақәа дшыргәылаз, ҩ-напык
лышьҭахьынтә лыблақәа хырҩеит. Иқәҭәаз одека­
лон афҩы дараргамеит.
– Адгәыр, Адгәыр! – лгәы аисра иацнаҵеит.
– Асҭа, заа баазаап, – иааџьашьашәа даа­ччеит.
– Сара бмааӡоз џьысшьон.
Ус аниҳәа ауп Асҭа даназхәыц уажәтәи лҭа­
гы­лазаашьа. «Сгәы иҭоу зегьы идыруеит, сзааи,
сзааи», – ҳәа лгәы дахаԥжәо, лхы дҩахан
даниҿаԥшы, илҳәаз иаҳазшәа: – бмааргьы сбышь­
ҭалан снеиуан, – аниҳәа, – амшын сгәы ахшәом,
знык саар ацашьа сақәшәаӡом, – лҳәеит.
– Зынӡа бҽеиҭабкит, иаҳагьы быссирхеит, –
лнапқәа дырҩахан игәы инадикылоны, аҟәара
иқәыз рԥарцәақәак аарыдгылан, – Уара уаԥхьа
длаԥшықәаҳҵахьан, папаша, нас иааиуа уара
дутәыз, – иҳәеит ҩажәаҟа шықәса зхыҵуаз рԥыск.
– Уара узы дқәыԥшцәоуп, ҳа-ҳа-ҳа, – инеи­
ларыԥсеит зегьы.
– Арԥарцәа, шәхы сылашәымгалан.
– Ииҳәо убо, уара? – аӡәк илақәа ҭцаны ишим­
чыз Асҭа лнапы данаха, Адгәыр дааимиԥааит.
Адгәыр иҭаҷкәым раҵәан уи аҷкәын даниҿас,
даагазҽазын, иқьышә ашьа налыжжит. Уи аамҭаз
ҩыџьа наҟ-ааҟ иааидԥалеит. Урҭ еисуанаҵы, Асҭа
дмадаӷьмадашәо еиҟәылкырц дрыбжьан.
Ақәоурашьҭахьтәи аҳауа цқьан, аха ихыш­
хыҵәоз амшын ацәқәырԥақәа рышьҭыбжь цәгьан.
– Иҟашәымҵан, шәаангыл, – ҳәа, дшыӷьаҵәыӷьаҵәуаз, лыбжьы инҭахәаҽыз зегьы анааннакыла,
Адгәыр ишьҭахьҟа дхьаԥшзар, Асҭа лгәышԥы
зегьы ашьа иаганы лнапқәа лгәыдырӷәӷәала ил­
куп. Дыҩуа уахь иҿанынеиха, аҳәызба лылазҵаз
жәафҟа шықәса зхыҵуаз: – Дҳаумҭазт, уаргьы
думоуит, – иҳәан, длаҵҟьан апарк днылашәкәа
дцеит.
– Асҭа, Асҭа! – Адгәыр дналхаххын, инапы
данҵаны даашьҭихит.
– Адгәыр, снумыжьын, Адгәыр… – лҳәан, лыԥсы
налылышәшәеит.
– Шәласы, аҭел шәас! – ҳәа дызҵаҳәҳәаз арԥарцәа руаӡәк иамхацәгьахан, ацхыраара лас
шыҟаз дыҩит. Егьырҭгьы рҭыԥ изахымҵуа, рхы
рықәыжь игылан.
– Асҭа, Асҭа… са соуп зегьы зхароу, саҭабым­
ҵан, сыԥшқа, – игәи илаӷырӡи еилаҵәо ибжьы
қачқачон лхы игәыҵарӷәӷәо иахьгәыдикылоз. –
Бысмыргәаҟыр акәын. Асҭа, Асҭа, бҽырӷәӷәа. Сара
сзы беиқәхароуп, бара быда сыԥсы ҭаны адунеи
сықәлаӡом, – лыхәра иаҿагәан иикыз исорочка
ашьа алыжж иҟан. – Асҭа, быблақәа хты, Асҭа…
ибымбац, бызхьымӡац рацәоуп… – ихы лҿажьны
дгәыдикылон, илабжыш иҿыкәкәа.
***
– Арԥыс ԥшӡак ашәҭқәа бзааиҭиит, – амедеҳәшьа
дыччо дааҩналеит, – арахь ааирагьы дазгәышьуеит.
– Даашьҭы, – аарла лхы дааҩахеит. Уи дылды­
рит ашәҭқәа аазышьҭыз.
– Сан, аӡәи бареи шәеибасырдырроуп, – лҳәан,
лааигәа итәаз аԥҳәыс дналҿаԥшит.
– Асҭанда, быхәра ааигәоуп ианырӡах, амцхә
бхы бмыргәаҟын, быԥсы шьа…
Адгәыр дыҩналан аԥсшәа иҳәеит, уаҳа иааи­
гәа иҟаз аӡә ила дамбо, Асҭа лкаруаҭ аԥхьа
днатәан, лԥынҵа ахыцәқәа днақәыӷәӷәеит, ила­
қәа ҭырхаха.
– Асҭа, даара сбыршәеит, сара исхароуп зегьы,
бысзымыхьчеит, – иҳәан, дааӷьаҵәыӷьаҵәит.
– Адгәыр, ари сан лоуп…
– Саҭамыз, – иҳәан, дааҟаԥшьхан, игәамырԥ­
хакәа дааԥышәарччеит.
Асҭа макьанагьы уи дахьхәыҷнишьалоз
лгәаԥха­ӡомызт.
Адгәыр данца, лан лгәи-лгәи еилаԥшуа, дшала­
гара лзымдыруа лгәынамӡарақәа цәырылгеит.
– Дызусҭада, насгьы дышԥабацәажәоз… Шәеи­
хәаԥ­шышьа сцәа сҭанарӡыӡоит…
– Иқәразу?
– Ааи.
– Ихәыҷ иеиԥш ауп дышсыхәаԥшуа, сан, –
лқьышә еимахәа-еимахәо лхы зымҩа илырҵәиит.
– Ишԥа, ахәыҷгьы димоума?
Асҭа лхы налырҵысит.
– Беиламган. Абри бзиа дбамхамбазааит. Би­
цым­цааит, ила избыҟәгомызт…
Асҭа дааԥышәарччан, зыҭра лцәыҭәцәаз лыла­
ӷырӡ лҿыкәкәа: – Сигондаз, абыржәгьы сышиц­
царыз, – ҳәа ҿаалҭит.
– Ибҳәо закәи, Асҭа, уи сара дсықәлазар ҟалап.
– Схы аҭыԥ иқәҟьазар акәхап. Агәаԥхара
атәы даҽакуп. Иахьа иубо иахьа дугәаԥхоит, уа­
ҵәы – даҽаӡәы. Ззы ухы уамеигӡо, уԥсҭазаара
зқәуҵо иоуп бзиа иубаҵәҟьо. Сан, сыԥсы ҭанаҵы
Адгәыр иеиԥш ҽаӡә бзиа дсызбаӡом. Шәынтә
сҭаацәарахаргьы, сгәы иалнахыз иҭыԥ даҽаӡәы
изаанкылаӡом. Абри сгәы ицзаауеит сыԥсы
ҭанаҵы. Сан, Асҭа Адгәыр диԥҳәысуп рҳәааит
уахызаҵәык иадамхаргьы, сара дыстәызааит, уаҳа
адунеи аҿы аԥсҭазаарагьы саҳәом, – лнапқәа лан
лыхәда инакәлыршеит.
– Анцәа дыбхылаԥшроуп, сыӡӷаб. Бҭыԥҳаха­
заап, сара макьана хәыҷҵас бысшьон. Цқьа
базхәыц. Уи иқәраҿы иҭахрақәа бара быҽбыз­
рықәыршәома? Шәзеилибакаару, цқьа ишәаиза, бмыццакын, сыӡӷаб?
– Сыԥсы ҭанаҵы уи иааиҳәо ҟасҵалоит. Уи
илабара мацарагьы сақәшаҳаҭуп. Адгәыр ида
насыԥ соуӡом, сан…
***
Асҭа лҩыза аҭаацәара далалеижьҭеи ауадаҿы
лхала дыҩнан. Аԥхьаҵәҟьа дшәон, шьапышь­
ҭыб­жьык лаҳар, лыԥсы лӡон. Хьарч-хьарчҳәа
икаԥсоз абыӷьқәаҵәҟьагьы лцәа лыхнарбзаауан.
Ԥыҭрак ашьҭахь дашьцылеит. Уажәшьҭа фымз
ҵуан лызаҵәра данышәеижьҭеи, Адгәыр иҟынтә­
гьы гәыӷрак лымамызт. Илашьцеит. Заанаҵ дышь­
ҭамлеит уаха. Ацәа хаа дынҭанагалоны, лышә
асыбжь геит. Днеилууааит, аха Асҭа ҳәа лыхьӡ
илаҳаз ацәа далнахӡеит.
– Асҭа, бымшәан, ашә аарты, Адгәыр соуп, –
иҳәеит, иҳәаанӡа ларгьы еилылкааит уи абжьы
зтәыз, аха иџьалшьеит даазгаз.
– Иҟалеи?..
– Асҭа…Уаха баҳәатәык сымоуп.
– Адгәыр, аҵх цахьеит, уаҵәы…
– Мап. Абыржәы ашә сзаарт, мамзар шьаҿак
сеиҭаҵран сыҟам.
Асҭа лхалаҭ налышәхарԥаны, аԥхьа лнапала
еимакны алашара налыркит. Зныктәи иҿаԥшра
лыԥсҭазаарагьы ахҭнылҵон. Ацаԥха ырҵәины ашә
анаалырт, адәылҵха лымҭакәа дныҩналеит. Лара
дшәаны дахьынеиҭаԥаз, лмахәар наздыслаз ала­
шара арцәеит.
– Уҳ, – лҳәан, днапыршьышьуа алашараркыр­
ҭа днашьҭалеит, аха лнапқәа Адгәыр иааникылан,
ашә ацаԥха аҩныҵҟала иаиркит.
– Ус иҟаз.
– Избан? – Асҭа дгачамкны даанхеит.
– Бымшәан, – лнапы шикыз днаиртәан, иаргьы
дналыватәеит. – Асҭа, бышԥаҵысҵысуеи? – ак
лыжәҩа инҭаирԥеит, икьаҿ акәхарын, аҭаҭынфҩы ахҟьа ицон.
– Узааи? – аарла лҿы еихылхит, маҷк
лыԥсы анааивылга. Адгәыр иҟазаара лара лзы
жәҩангәашәԥхьаран, аха дыззааиз азхәыцра
лшьара дықәнаҟьон.
– Асҭа, сара иаха зынӡа сызмыцәаӡеит, иахьа
сангыла исхыԥсаауаз џьысшьон, аха уахагьы ҭаха
сымҭо сыргәаҭеиуа саман идәықәлан, бара бахь
саанагеит.
Асҭа ҿылҭуамызт. Аамҭа ԥхашьаны иаангы­
лазшәа, иӡыӷәӡа иӡырҩуан, Адгәыр ииҳәазгьы ахы
ахьцоз лзеилкаауамызт.
– Уахаҵәҟьа ихыркәшатәуп ари аус… Ажәа­кала,
бсыццароуп, – иҳәеит иаахжәаны.
– Иаба? – уажәыгь илзеилкааумызт дызҿыз.
– Иаба ҳәа иҵааӡом, Асҭа, ианба бҳәарц
бҭахызар, – уаха, уаҵәы… ианыбҭаху. Сара…
– Адгәыр, ииашаҵәҟьаны, исзеилкаауам иуҳәо...
– А-сҭан-да, сара бзиа бызбоит, бсыцца… бара
бҟәышуп, сара зуаҩыбжараҿы инеихьоу ауаҩы
ибҭаху сызҳәа, аха уаҳа сылшом. Сымч, сылшара
бара ибысҭоит. Сыԥсҭазаара бара ибзыскуеит.
– Адгәыр Асҭа ҭынч дааидихалеит. Аҩыџьегьы
еиҿаԥшуан ҿымҭ. Еизааигәахон рхырҿқәа.
Адгәыр инапы нагӡаны Асҭа лхы данааха, уи
имҟәы­ҵыҵ­­шьа дақәымшәо, дмадӷьмадашәо
дааид­халеит.
– Усҟәаҵ, Адгәыр… – ҵааршәҵас еилаҟацаз лгәы
агәҭа неиҩшәан, ԥшьаала аӡыҭра иналагеит. – Уца, –
лҳәон, лжьы ҭжәаны икалыжьуазшәагь лбон.
– Сара бзиа бызбоит, бзиа… Аамҭа зегьы
аҩнахуеит, узхыԥсаауаз агәырҩагьы хнаҽуеит.
Иҽеим ҵәаӷәак нахьшьны угәы уханаршҭуеит.
Ацәгьа уаниар угәы хаҳәнатәуеит, умчқәа еиҭа­
накуеит. Аха, угәы хьшәашәазшәа убозаргь,
џьара наӡарак аҿы ихәыҵаҵәахуп хәҭаҷк. Уи
ааурцыхцыхыр зегьы ԥшӡахоит, ихаахоит… даҽа
цәак рхылоит…
Асҭа лгәы акалашәа иҟан, ашоура змоу
длеиԥшны, дҭууа акы даман ишцоз, даалҟьан
иажәа днаԥыҩлан дҩаҵҟьеит, лыжәҩа иҭарԥаз
икьаҿгьы лалышәхырҩны акаруаҭ инылаҳаит.
– Адгәыр, уҩашьеит, сара Ирина сакәӡам, –
лҳәеит ирымчны.
– Сара издыруеит.
– Нас, уаха арахь умааир акәын. Ӡӷаб хәыҷык
сылгәаԥхоит, исцәагои ҳәа сгәы саургарц уҭаххеит,
– лҳәан, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит, лгәы
иҭаз цқьа ирҽеины иахьылзымҳәаз гәынганы.
Иара дҩаҵҟьан инапқәа лыларԥс данигәыд­
иҳәҳәала, димпыҵыҵырц аԥхьа лыҽ­шылҟьоз,
аҳәыҳә ԥшқа ацәеижь ҭынчхан,Адгәыр изгәышьуаз,
ашьха аҳауа цқьа лбаадо, лыбжьы лызҭымкаауа
лыԥсы лылышәшәазшәа дгылан.
– Асҭа, зны баасзыӡырҩ… Сара раԥхьаӡа
банызбаз мра шәахәаҵас сашҭа бҭаԥхеит. Усҟан
сдунеи даҽа цәак ахалазшәа збеит. Сахьы­
набыхәаԥшыз – сбытҟәеит, сыбз сықәиҭымкәа
сҟабҵеит.
Бшьапы ала анацҳа, Дианагьы лыгәра сзым­
геит… Беиқәышьшьы сыцхыраара баҳәо банызба,
сыԥсыԥ сҟырҟы икылымсуа, сҭынчра сыцәбырӡит.
Ала ибнаҭаз ахьаа сара сахь ииасызшәа, сгәы
ҭыфаауа акы нҭалеит. Сара усҟан сгәы бзыԥжәеит,
абри ахәыҷ лоума сыззымиааиуа ҳәа. Хьаас
бсымкырц сыӡбеит. Уи ауп Едвард зсыхьӡысҵаз.
Сгәы иҭаз аҵааршә бырӡыҭит. Иахьынӡасылшоз
сыбҿагылан сықәԥеит. Баныҟамыз ибаҽԥнысҳәа­
ша сыӡбон, банызбалак сразхон, ԥыхьа исхәыц­лоз
схашҭуан. Лахьынҵоуп…
– Уаҟәыҵ, Адгәыр, уаҟәыҵ, – лҳәон Асҭа диԥыҩ­
лан, аха ԥыхьеиԥш дидҵырц лгәы иҭаӡамызт.
– Баангыл, Асҭа, бӡырҩла. Сыԥсҭазаара шыс­
хызгоз усгьы ибдыруеит. Еилыскааит сгәы
бынҭганы зымҩа бансыргыла, мҩа иашак сыш­
занымло.
Ироди бареи шәгәы еихсмыршәар ԥсыхәа
сымамызт, бара бзы «уи дизҳәоуп» рҳәон. Аӡә
инасыԥ еиԥҟьаны сара стәы сырҽеип ҳәа ахаан
салагомызт шәеиқәнагазҭгьы…
Ааскьа, сымшираҿы, бара сбыхәаԥшуан,
сбызхәыцуан. Иреи сареи ҳаныбба бшыҟалаз
гәасҭеит, издыруеит, сара сыбҭахымызҭгьы асҟак
сзыҟабҵаӡомызт, егьырҭ реиԥш бцон. Ира лыхьӡ
ибҿыҵашәазгьы исеилнаркааит сара бара бзы
сзакәыз. Иҟалап сҿыҭыбжьы базыԥшызҭгьы, сара
схаҭа сҽысзыҟажомызт. Сбышьҭалан сылбааны,
ашә санавҵагыла, исаҳауан бҵәыуабжьы. Усҟан
сныҩналан зегь басҳәап сгәахәит, аха сеилкаара
бшашьҭамлози, бхы бшацәыԥхашьози здыруан.
Сҭоу­рых ҩызар шәҟәык ианӡалом, сзыниаз-сзынԥаз
акы еиԥшым уажә исызцәыҵыԥхаз абзиабара. Уи
сацымныҟәар сыԥсҭазаара аангылоит, сгәыӷрақәа
зегьы ыцәар алшоит, саргьы, сыԥсы схымшәаргьы,
насыԥ соуӡом.
Ҽнак, Ира даныбба дцаанӡа адәахьы багь­
дәылымҵӡеит. Ҵхыбжьонк санааи, сгәыӷрақәа
зегьы бырҵабыргӡеит, сара саҟара насыԥ змаз уаҩ
дыҟамызт, аха еиҭах бхала баансыжьит, уи ашьҭахь
мызкгьы схабар бымбеит. Усҟан Москва Даур иҿы
сыҟан. Мап, мап, иан уа дыҟаӡам, уи арахь дыҟоуп…
Бхала беиқәышьшьы аҩны бдәылымҵӡо быштәаз
ҭелла сан иансалҳәа, сахьбызҵааз џьашьаны, –
«уи зегьы рылымкаа дызҭуҵаауеи?» – анылҳәа,
дбыуахар бҭахӡами? – ҳәа, аччара салагеит.
Сан Даур изы бысгәаԥхаз џьылшьан, – «Даур
ииҭаху ихала диԥшаар еиӷьуп», – лҳәеит.
– Мамоу, сан, уи сыҷкәынҵәҟьа дсызиҭом.
Анцәа исзишаз сыбжак Асҭа лоуп, – ҳәа анлас­
ҳәа, деигәырӷьеит, илҳәаша дақәымшәазт, да­
гьам­ха­ҵәыуеит. Бара бахь ак лмыраргамарц
сақәлыргәыӷит.
Москвантә санаа, инагӡаҵәҟьан агәра згеит
ша­ҟа сыбҭахыз. Саҭабымҵан, Асҭа, бахьсыргәаҟыз.
Бара бԥысшәонаҵ, сыхгьы гәасҭон. Слахьынҵа
знык исеижьахьан, ҽазныкгьы сҩашьар сҭахы­
мызт. Джеин леиԥш агәрагара баԥсахеит азоуп
ус збасҳәазгьы. Исыздырам исанабыжьуоу, аха
исҭахуп саргьы сыгәра бгарц, ԥсраҽнынӡа бара
бзы сшыҟоу бдыруазарц, – иҳәан, инацәкьарақәа
лӡамҩа ианахьишь, ибааӡажжыраӡа иҟан. Усҟан
Адгәыр инырт иара иаҟара насыԥ змоу дшыҟамыз.
Ақалақь аҿы аҭынчра уарлашәарла ада
ушанымиогьы, уахатәи аҵх ҭынчын. Ашьха
гәыҭбаа аҳәыҳә ԥшқа иахӡыӡон. Ажәҩан аҿы
амза лашон. Уи иаакәыршан еикәаӷӷа икыдыз
аеҵәақәа кәеицеиуан. Адунеиаҿы абзиабара
нхон, џьоук рыҩны иҩналан аҳра ауан… атәым
блақәа аҽырҽыҵәахны, маӡала еиқәнаршәаз ауаа
рыҩныҵҟа илашон.
1991
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
  • Части
  • Абзиабара ашәа - 01
    Общее количество слов 3355
    Общее количество уникальных слов составляет 2543
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 02
    Общее количество слов 3397
    Общее количество уникальных слов составляет 2464
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 03
    Общее количество слов 3409
    Общее количество уникальных слов составляет 2499
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 04
    Общее количество слов 3394
    Общее количество уникальных слов составляет 2581
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 05
    Общее количество слов 3435
    Общее количество уникальных слов составляет 2492
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 06
    Общее количество слов 3444
    Общее количество уникальных слов составляет 2551
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 07
    Общее количество слов 3388
    Общее количество уникальных слов составляет 2457
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 08
    Общее количество слов 3411
    Общее количество уникальных слов составляет 2401
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 09
    Общее количество слов 3381
    Общее количество уникальных слов составляет 2504
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 10
    Общее количество слов 3389
    Общее количество уникальных слов составляет 2494
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 11
    Общее количество слов 3370
    Общее количество уникальных слов составляет 2382
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 12
    Общее количество слов 3397
    Общее количество уникальных слов составляет 2332
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 13
    Общее количество слов 2075
    Общее количество уникальных слов составляет 1508
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов