Latin

Абзиабара ашәа - 03

Общее количество слов 3409
Общее количество уникальных слов составляет 2499
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
қәа макьанагьы имыцәац. Лнацәкьарақәа лыбла
инхылшьылаз лылаӷырӡқәа рызмырбеит. Лнапсыр­
гәыҵа налыҿшьны лылаӷырӡ дналаччеит: «Иага
уҽазушәаргьы абзиабара ахәаҽра цәгьазаап. Угәы
уаҿагыларгьы – умчыдоуп. Дысхашҭит, дыҟам,
акгьы ҳзеилам ҳәа уааҟәымҵӡакәа ухәыцларгьы,
угәы ҿнаҭуеит, мцуп, бхоуп ибжьо ҳәа.»
Лыбла дыхгылоит иара. Избан аамҭа изеиҟә­
наго? Избан ахьаақәа зеиқәымшәо? Избан ала­
ӷырӡ зҭамбо? Еишьҭагылоз лызҵаарақәа аду­
неи инықәымҩыкәа лгәы иҭасуан Борис иҩ­наҭа
дахьахыз. Ахәрақәа ус аламала иӷьом, ахәыр­
бӷьыцгьы адгьылаҿ ианаауа иара аамҭазоуп.
***
Мшыцәгьак азы еиҭеиқәшәеит Наиреи Инали.
Идыдуан, имацәысуан, амш еиқәылашьца,
ақәыршаҩы адунеи аҽакәнаршан, аԥштәы хаа
ацәнарӡуан. Шаха шәпарак иҟаз ақәа уна­хьын­
ҳәазалан ажәҩан ахь ухаларашәа убон. Иасуаз
аԥша хьшәашәа агәамсам еиларҩынтуа иаман
адәы иқәын.
– Ибныԥшаанӡа Аԥсны ҳаналымҵ, ауаа аҳәатәы
рацәа раҳҭоит.
– Уҭаацәа…
– Урҭ уаҩы иарҳәом. Ҳабналара уаҩԥсы изым­
дыруазароуп.
– Борис иҳаҵидыраар ҽеи ҳалихуам. Сшәоит,
Инал, сыӡбахә ԥшӡамкәоуп ишидыруа. Ара
сындәылҵны сцар, иҟоу ахыхь иҟамгьы иҳәоит.
Усҟан уара угәы шԥаҟало, иԥеиԥшхои ҳхәыҷы?
Исаноумыжьуа рацәахоит…
– Ибхарастәуа ҳхәыҷы иироума, Наира,
бынасыԥдара­қәа зегьы зхылҿиааз сара соуп, –
ила ҭраа дналҿаԥшын, нас ихы даалахеит.
Ԥыҭрак ҿымҭ итәан. Аԥшагьы иасыз аԥенџьыр
ааим­ԥааны аԥардақәа еимбӷьыжәаа харабӷьара
иаршәит. Али-ԥси рыбжьара ашәқәа зегьы аатын,
аԥша гьежьуа, ашәқәа кыдыҟьҟьо иааҩналеит.
Инал дҩаҵҟьан, аԥенџьыр ныдырӷәӷәаланы
иааиркын, ателербага наҿаикит.
Аԥхьа изакәытә дырраҭараз аҩыџьегь ирзеи­
лымкааит. «Мшәан, уажәааны аԥсацәа абаа­
нагеи?» – иагьааџьеишьеит. Нанҳәа мзазы ашоура
бааԥсқәа иҟаз Инал дахьыҟаз аҭыԥ аҵанамкуазшәа
игәы иаанагеит азныказ. Адәахьы даныԥшы, амш
еилганы амра каххаа иԥхон, аԥсацәа ирҳәоз уаҩ
дазыԥшымызт, деиҵаӷәӷәа ҿааиҭит:
– Ари еибашьроуп, Наира, аибашьраҵәҟьа.
1989 шықәсазы излагахьаз иацу ауп, ақырҭцәа
ықәҳамцакәа лашара аабараны ҳаҟам, Наира, –
лхы даахан инаидиҵеит, аха деишәареиҵараха
дшыҟаз даанхеит. Аԥсны зегьы рнапы акәыршан
иркын. Аԥсацәа реиҳараҩык аҿаҩа қыҭақәа рҿы
аҟәаԥаҿаԥара иаҿанхоит. Дара иҟаз иреиӷьыз
рыман. Имаҷыршьеит. Ирҭаххеит зегьы. Мап,
ус иалҵӡом. Ԥсыуак иԥсы ҭанаҵы иԥсадгьыл
ақәылаҩ гашьа имам. Анцәа иҳанаишьаз адгьыл
ҳхы-ҳаԥсы ахҭнаҳҵоит, анцәагьы дҳадгылоит.
Уи аԥсуаа лымкаала пату ҳақәиҵоит азоуп иара
ихазы имаз адгьыл ҳара ԥсадгьылс изҳаиҭаз.
«Уи изтәызтәырц иалаго рацәахоит», – иҳәахьан
анцәа, ус иагьыҟоуп, аха изтәыҵәҟьоу саргьы
срылоуп, ԥсыуак иеицәамкәа издыруеит аԥсшәа.
Ицеит мчыбжьқәак, Инал деибашьуан. Аду­
неи аҿы иҟаз аиҟарамра аԥсуа жәлар алаӡуан.
Иаҳҿагыланы ҳадгьыл згарц зҭахыз, дреигӡомызт
аҭыԥантәи абыргцәа, анацәа, ахәыҷқәа. Ашьаӡагәаӡа ахьшит Аԥсны. Ишәҭуаз атәыла аԥшра
аҽеиҭанакит.
Иззымхода адунеи? Еимазкуада? Иақәлахода?
Џьоукы рыԥсыцәгьараз иҭахоит хара здым, згәы
цқьоу, шьала-дала згәы разу ауаа. Амаалықьцәа
ирхарои? Ишәоит, урҭ ҩеидасны иҟашәҵаз иашам,
ҳаԥсадгьыл ҳамышәхит ҳәа ирҿагылар ҳәа.
– Анреи-аԥареи ҳзеилам аӡә иԥҳәыс думан
сыҩнаҭа ашәхымс уанаахыҵ нахыс. Уаанаԥшы –
ааԥшны, уеиԥш-зеиԥшу дыԥшааны даага, уҳарԥха­
шьом. Уи Алмасԥҳа дуҭахызаргьы, угәы дҭаҵәах,
дҭашьы. Лара даналух, ҳара уҳалҵроуп.
– Сеилкаа, сан! Лареи сареи ҳаибагара ҩымш
шагыз дысцәыргеит… лара днасыԥдоуп. Уажә
аибашьра салаӡуоу сыздырӡом, схылҵ дҟа­
лап… Дзыҩноу аҩнаҭа ддәылымҵкәа ҭынчрак
соуам… сгәы рҭынчны ҳаӷа хәымӷа сиҿагыларц,
сышьҭахьҟа, цәашьызаргьы, лашарамҩак казырԥ­
хо сҭахуп. Аамҭа кьаҿуп ҳаԥсҭазаараз ишоу,
унаҳәны уааҳәаанӡа, кәтыҿырҳасырҭак аҩаӡараҿ
инаӡошәа иниас ицоит…
– Ауаа зегьы ҿҳәарак-ҿҳәарак рымоуп. Лла­
хьынҵа лзызыӡбаз агәырӷьара лзацимҵазар ҳа­
ра иҳалшагәышьои, нан сыҷкәын? Уи дрыцҳазар
анцәа ибап, уара ухы ҭоумырхан уи лзы. Ухылҵ?
Даҽаӡә лҟынтә думауеи, уи лыда аҳәса нҵәама?!.
Адунеи зегьы аҟны лыда ԥҳәыс дыҟамзар­гьы,
даҽаӡә иԥҳәыс диҵхны лгара уаҭәам, сыҷкәын.
– Шәареи сареи акгьы ззеилымхуа уаазар
ҟалап. Сышәзеилкаарангьы шәыҟам, – иҳәан, ашә
ныдҵан дцеит шьыжьык, уижьҭеи кырҵуан иҩныҟа
дымнеижьҭеи.
Аибашьра цон, ҳаԥсадгьыл Аԥсны азы еиҿа­
гылан ҩ-мчык: руак – иара зтәыз, егьи – изҭахыз.
Амшқәа цон. Инал ихәыцрақәа еиқәтәомызт.
Дигар – даадырбуамызт, димгар – лхәыҷы ҽа­
ӡәы ииааӡо, иара изы дтәымуаҩхон… Борис
изхәыцра зынӡа иҭахымызт, уи маҭәарк аҳасабала
дихәаԥшуан, иҭаххар, ҟәардәк еиԥш днаихан,
уадак ддәылган, ҿаԥарак ахь дигарызшәа ибон.
Аибашьра шцац ицон. Ихәыцрақәа деибархха
дыркын, ицәеилаҩашьоз ихшыҩҵакқәа ракәын,
аха зегьы ршьагәыҭ – ашәарҭара иҭагылаз иԥсад­
гьыл аҿаԥхьа идыз ауалԥшьа акәын аԥыжәара
згоз.
Аблиндаж ааскьоуп ианыҟарҵаз. Адгьыл аӡа
афҩы ааиҿасит. Еилашәыршәыруаз абӷьқәа
зҿаз, аҭыԥҳа ԥшӡа лӡареиԥш еихатыруаз
амахәқәа еицәажәозшәа еиҿаԥш­уан. Ивараҿы
итәаз иҩызцәа иааԥса-икараха, ацәажәарагьы
рылымшо, иарбан мшу ирзыҵыхәтәантәихо
рзымдыруа итәан. Насҭха дӷызуан еиқәыҿаҳәа
ишьҭаз арԥыс, уи ихәра ахьаа ӷәӷәан, иха­
ԥыцқәа аҿҿа шрыҵгозгьы еихарӷәӷәа ибжьы
ҭеихәаҽуан. Ихагьежьуаз амедеҳәшьа лнапқәа
шыҵысҵысуазгьы, ихәра ҿыӡәӡәааны раԥхьатәи
ацхыраара илҭеит, шьҭа иԥшын, машьынак ааир,
араионтә хәышәтәырҭахь дрышьҭырц.
Ахәшәбылфҩы шықәчызгьы, адгьыл афҩы еиҭах
Инал иԥынҵа иааҭасит. Анышә фҩыдаз џьызшьоз
изы аилкаара цәгьан иахьынтәаауаз. Издыруада,
аԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла, уи аныӡаара амҩа
ианықәгыла аҵеицәа рцәа-ржьы ианырзар…
ираҳазар агәынқьбжьы… Аибашьра иаламгазҭгьы,
Наирагьы дызлоу днарылган, иқәҵны ицарын…
Уажә Борис Наира лымаӡа анлыҵих, ԥеиԥшцәгьа
лиҭоит, дызҭагылоу еицәоу аԥсҭазаара нас ауп
ианылԥышьклаҳәша. Абар, хымз нҵәарц агьагым
Инали Наиреи рцәа-ржьы иалҵыз амгәарҭа
дҭоуижьҭеи. Борис иԥҳәыс иаарлас илныԥшуа
даныҟала, илԥеиԥшхо атәы аҳәара уадаҩуп…
Ихәыцрақәа ҭаха имҭо дҭырыбӷыҷаауазшәа ибон.
Днаҳәит, дааҳәит, ишьапқәа реиџьны ибамбакьаҿ
икәыршан дахьиаз, игәҭыхақәа еиқәтәашьа
рымамызт.
Ибла иаахгылеит иҭаацәеи иареи аҵыхәтәантәи
реицәажәара.
– Иумҳәан иажәоуп ҳәа, дида хаас, уҿы
иагьзлаурҳәеи, ҷкәын ҟадыџь?! Сыԥсыр, иуҭаху
ҟаҵа, адамра хыла сарс, сыԥсы шҭоу аӡә иԥҳәыс
диҵхны данаауга, сан илымаҿуп сҽыкнаҳан
сыҽшысшьуа. Уаб даурысуп, аха иухамышҭын
Аԥснытәи аҵасқәа дышрылааӡоу…
– Сан, уи дыззыԥшу ахәыҷы сара дыстәуп… –
усҟантәи ибжьы илымҳа еиҭаҭыҩуан иааҟәымҵ­
ӡакәа, «уи ахәыҷы сара дыстәуп» ҳәа, ииҳәоз
еиҭаҳәо аблиндаж ҩннарҭәаауазшәа иаҳауан.
Анахь днаҳәит, арахь дааҳәит, ианамуӡа, иҿы
еихагәа, иблақәа еихарӷәӷәаны, илымҳақәа
иџьгәеит, аха игәы аҿыҭра иалагеит. Уи аҭҳараҭҳараҳәа еисуан, иага иургьы дзаиааиуамызт.
Абыржә ауп ажәылара ӷәӷәа ашьҭахь рыԥсқәа
ааиҭаркырц иантәаз… макьана ԥсыҭбара ыҟамызт,
аԥсуа ишьала идгьылгьы имкәабацызт…
Аблокада иҭакыз ақыҭақәеи ақалақьқәеи
рҟынтә анха­цәа еизон Тҟәарчал, уантәи верто­
лиотла иахьшәарҭамыз Гәдоуҭаҟа иалган иргон
аҳәсеи ахәыҷқәеи. Инал иӡбеит Наирагьы уахь
дишьҭырц.
Аибашьра аамҭаха тәымџьара, дзынио лзым­
дыруа, лҭагылазаашьаҿы лхала ацара лцәыуа­
даҩхеит.
– Сыԥсы зызҭоу арахь шәынсыжьуеит… уа
исԥеиԥшхо сеидроу…
– Бымшәан! Ҳадгьыл гәыҭбаа анра бызна­уеит,
уи алыԥха ҳамамызҭгьы – уажәаԥхьагь ҳаныр­
х­хьазаарын… Борис дазаабгароуп – уи ауп иха­
дароу, биҟәамҵын дақәым­шаҳаҭхакәа, мамзар
зынӡа сиазҵааӡом…
Ҽнак зны, Наира лҽаԥсышәаха, машәыршәа
лгәы иҭа­шәазшәа, иаацәырылгоит мышқәак раԥ­
хьатәи Инали лареи рыгәҭакы. Уи илдыруан, хаала,
ҩысҭаарыла даниҵамла, дшауимышьҭуаз. Ил­
ҳәаз игәамԥхеит Борис, лажәалагала ақәҿимҭит.
Абар, шьҭа лымаҭәа ԥхақәа аалшәыхзар. дубоит
излымшо иҟоу аԥҳәыс, аха Борис уи гәеимҭац…
Уи азы ихадароу – иԥҳәыс аҩны дтәаз, лыҩнусқәа
еиԥымкааит, егьыс – дцәышума, илыгхама, илыц­
лама – уи лыкрыфа­шьа ауп изыбзоуроу ҳәа
дхәыцуеит.
– Ара ишәарҭоуп, сыхшароура зеиԥш­ра­хо
сеидроу, иаҳхыҵәарц згәы иҭоу ҳаӷацәа ирыӡ­
бо анцәа иоуп издыруа, еиӷьуп зегьы ахьцо
Гәдоуҭаҟа аамҭала сцар.
– Бҭәы-быԥха быҟоуп, бымбаӡо ибыцлан, бтамтамуа бшыҟалаз. Уахь бцар бхы зланыҟәыбгои?! –
ҳәа, иџьымшьқәа харшалан дџьашьо длыхәаԥшуан.
Наира лымч зегьы еизыркәкәаны иалҳәоит
ахшара лцәа далашәеижьҭеи лгәы рахәымкәа
ишыл­бо. Лара лыгәаҭеи­ра, лыгәҭынчымра ииран
иҟоу рыԥшқа ишиԥырхагахо, избанзар, ақырҭ­
цәа анааигәахалак, ақыҭауаа зегьы рыҩн­қәа
ааныжьны шьапыла, мҩахәасҭала, бнала иахь­
шәар­ҭамыз аҭыԥқәа рахь ицар акәын. Аҵыхә­
тәантәи аамҭазы илмыхьуазгьы лыхь­уазшәа
ҳәо, лыҽлырԥсуа далагеит, лара лтәы иагьа­
лыргеит. Илымукәа лҽаҿылшьаауа даналага, мшы
хазынак азы, лымаҭәақәа ааизакны лыԥшәма
днаскьаган дауишьҭуеит. Иаалырҟьан лцара Инал
дахьзахьымӡаз, цқьа иахьзымеицәажәаз лгәы
шарԥшаауаз авертолиот аус анадыруы, лылаԥш
наиқәшәеит Борис иӡывасны ауаа рыжәпара
еимгәҳәо, ирылҟьан ахеиԥш иааиуаз Инал.
Наира даақәыԥсычҳаит, Борис дахьгылаз
даабалыбаҭеит. Инал ишьаҿақәа адгьыл иқәырҟа­
ца деиханы днеиуан. Лара ашә ахь дааскьеит, иара
дналыдыххылан, иикыз аилаҳәара хәыҷы лнапы
инангәаланы, лнацәкьарақәа еиларӷәӷәа инапы
нарыкәыршаны, ауаа рыжәпара иҽналаирӡит.
***
Аԥсны ахы-аҵыхәа амбатә ахҭнагеит. Рыҩнқәа
ирыхцаны қыҭак аҟынтә, еиҳа иахьшәарҭамыз
ицон ауаа, абомба артҟәацыбжь рмаҳарц, рҭаацәа
рыԥсқәа еиқәдырхарц. Абыргцәа рылабжыш
нкыло ргәашә инҭыҵуан, џьоукы ҳаршьуазар
ҳаҩны ҳаршьааит ҳәа, рхәышҭаарамца еиқә­ҵаны,
аԥсуаа наунагӡа ҳаҟоуп, ҳашәзықәхӡом ҳәа ал­
ҩаҵә хәхәаӡа иҩарышьҭуан. Шамахамзар, ҩнаҭак
аанымхеит ашәы зшәымыз. Аӷьацара иаҿыз Аԥсны
еихәлаҳаит. Ақыҭауаа рынхамҩа гәыгәҭажьхеит.
Ицәгьахеит: аџьы­ка, асапын, ашьақар, ача, аџьықә­
реи уҳәа раахәара. Ақәылаҩцәа зыҩны инеиуаз
ирымаз ыфаны, иаанхаз амца аркны, аҩныагәара адгьыл еиуатәны ицон. Ахандеира иаҿыз
ахацәа раарыхрақәа раха змадаз, аҳәса ракәын
зегьы ирҿыз. Еиҵагылаз аҿар абџьар ркын, згәы
цҳафыруаз, згәы мшәоз аҳәсахәыҷқәагьы урҭ
ирывагылеит.
Амҩахәасҭақәа ирнын зымаҭәа зызқәынҵан
зқыҭа иалҵны ицоз аҳәсеи ахәыҷқәеи. Аԥшқа­
цәа рыфа иагын, рыцәа наӡамызт. Аӡәы ахьҭа
дакуан, егьи дычмазаҩын… Ҩныда-гәарада адәы
иқәхаз рацәаҩхеит. Аԥсацәа ршьа иалоу раԥс­
уарала дара-дара еицхыраауан. Иаҭахӡамызт
аиуара, аибадырра. Амҩан изқәыхәлаз ауаҩы
днамҩахганы криҿарҵон. Царҭа змам уаазар, уа
дагьааныркылон.
Ҳнацәкьарақәа зегьы еиҟараӡам. Иҟан, зышә­
қәа ыҵар­баҟаца иаркны уаҩ имыцхраауаз
ауаагьы.
Џьоук еибашьуеит, иҭахоит. Урҭ рҭыԥан ииуеит
аҵеицәа – афырхацәа. Аԥсҭазаара мҩахҟьом,
ауаа балыбаҭо, адгьыл еимакны рхы атәым
дгьыл аҿы иҭархо, ихәыцӡом Аԥсны аԥсуаа
рыԥсадгьылзаҵә шакәу. Уи адагьы ԥсҭазаара змам
еихала, еигәышәла, шәақьла, ирымԥыхьашәоз
кны ақәылацәа ирҿагыланы рыԥсадгьыл ахы
иақәиҭыртәыр, дара ахьымӡаргьы, иаанхо,
еиҵагыло абиԥара рԥеиԥш акәын хьаас ирымаз.
Аибашьрашықәсантәи асы аҩыза амуижьҭеи
кырӡа ҵуан. Ашьха иазааигәаз ақыҭақәа рҟны
ушьамхы кыр инахысуан. Ахьҭа бааԥсхеит. Ақы­
ҭауаа Очамчыра араион иатәу зегьы аблокада
иҭакыз Тҟәарчал акәын ԥсеивгарҭак рызҭоз.
Ахәышә­тәырҭақәа рҿы ачымазцәа рацәаҩӡан, урҭ
рнаҩс – ахәцәа. Ана-ара артҟәацгақәа ԥыжәжәон,
иҭахон аҭынчуаа. Адгьыл иқәшуан аԥсуаа ршьа.
Адгьыл ӷызуан, уи иалаҭәоз ашьа икылнаблаауан.
Амразаҵәык акәын зҽы­зымԥсахкәа игьагьаӡа иҟаз.
Аибашьцәа ракәзар, аҭабиақәа ракәын ҩнрас
ирымаз. Ҭынч зхы ахчы инылаҵан ацәаха змамыз
ранацәа, рыҳәса, рхәыҷқәа рыбла инҭамԥшкәа,
ишыгәхьааргоз аӷа ихымҭа иахәнатәуан.
«Аиааира ҳгар, ҳаԥсы ҭанаҵы ҳаԥсы ҳамшьо.
Уажәтәи ҳҭагылазаашьаҿы ҳшьамхы еиқәыршәны
ҳазтәаӡом. Аӡәы итәы ҳашьҭам, ҳара иаҳтәугьы
уаҩы иаҳҭом», – ҳәа еибыҳәо, абна илан аҷкәын­
цәа. Иҟан хаҵарыла иҭахаз арԥарцәа рыбџьар
рымдан еибашьуаз анацәа, абацәа.
Аҭыԥ ҳаракырақәа зымҽхазкыз ақәылацәа
ӷьацара рмоурц азы еибашьуан аԥшыхәҩы Саиди
акомандир Инали. Урҭ рҽеиҭныԥсахло, ҩыџьа-хҩы
ахьцашаз ақырҭцәа ртыл ашҟа ицон. Ргәышԥаҿы
еихдаз аҟанҭаруазқәа ирҭаз рнаҩс, рџьыбақәагьы
ртҟәацгала иҭәын. Еснагь иццакуан аибашьцәа,
раамҭа, аԥсҭазаара ирзыԥнаҵәаз, кьаҿны, иза­
хьымӡар ҳәа ишәозшәа.
Ибааӡаӡа ишәыз ибамбакьаҿ ауаџьаҟ аԥхьа
игылаз аҟәардә инахарԥаны дышгылаз ҿаҵақәак
дрыцҳаит, изымҩатәны аҩны иаадыххылаз аи­
башь­ҩы қәыԥш Саид.
– Уаатәа, нан, бысҭаԥхак узызуеит, – иан аҭа­
кәажә ивагьежьра даналага, инапқәа аалыкәиршан:
– Сыццакуеит, сан, саҭабымҵан, – иҳәан, дааи­
гәыд­и­ҳәҳәалеит, нас, имбацкәа алҩаҵә зхылҵ­
ны ицоз икьаҿ аашьҭԥааны ижәҩа иҭарԥо, дын­
дәылҵит.
Уинахыс Саид иҟаиҵаз, ииуз рҳәон ауп ҳәа,
аҩныҟа дзымааит. Игәымшәарала иеиҵбацәа
ԥхьа­ҟа иго, «Анцәа иҳаиҭаз адгьыл ахьчараҿ зегьы
зымчу даҳхылаԥшуеит», – ҳәа, дшаиааиуаз агәра
игон. Иавтомат нықәҵан ицәарҭа дыламиеижьҭеи
шықәсыбжак ҵуан. Иҩызцәа ихлафуан, уԥшәма,
ухәыҷқәа аҩны иузыԥшызҭгьы, ахҿеиԥш акәын
ушцоз ҳәа.
– Сан абырг лаҟара ахьаа змада, аҷкәынцәа,
аха сгәы мыжда иауӡом. Уахь сцар, абра схы
ианасмыжьуа ак ҟалар ҳәа сшәоит.
«Ауаҩы дышьны дҵәахны думазар, уцәгьа
зымҳәо, умаӡа змаудар улшо уаҩуп», – иҳәалон
Инал Саид изы. Хаҵаҵас, ԥсыуала, ламысла иҟаз
уаҩын, убри азоуп Инал игәы ҭызфаауаз ихьаақәа
зегьы Саид изеиликаауазгьы.
– Инал! Сара исызҳәаны итәаз сшьана аҩны
иныжьны хаҵа дышцаз удыруеит. Убасҟан
иҽеимыз сыҵазҳәоз ҟалеит, узго аӡы рбар иҵегь
алазҭәо ауаагьы маҷым ҳдунеи аҿы. Скәанызануа,
сзеиуоу сзымдыруа аӡыблара иақәшәаз иеиԥш
смадаӷьмадашәо сықәхеит. Абзиа уақәшәар
зҭахым маҷҩым, ушьа ууроуп… улырԥхашьеит…
дахьурхәыроуп ҳәа сазҳәоз ыҟан. Сыуацәа-сҭах­
цәа ансыдеизала, схала саназхәыц, иагаџьара
иҟалахьеит сгәахәт. Сызҭахым схы злықәсырӡуеи,
иаҳа еиӷьуп ҳаибагаанӡа ҳшеиԥырҵыз сҳәан,
сҽааныскылеит.
Сгәаҟәышра миааизҭгьы, машәырк сымпыҵ­
ҟьар алшон. Уара, Инал, мчыла унасыԥ узышьа­
қәыргылом. Аибашьра еилгап. Нас ҭынч зегьы
урызхәыцып. «Иццакыз иԥа длашәхеит», рҳәоит.
Адунеиажә
зегьы
ҳаҩнахуеит,
аҽырԥшӡо,
аҽырхаауа, аҽырдагәа-ҽыргаӡа ҳарблаҟьо, ам­
шын иагаз анышь хәыҷы еиԥш, ҳкыднаҟьалар
аҭахуп. Ҳара ҳхәыцра ицегь иҵаулазароуп, иҟаҳҵо
шәа-иза, абырцкал икылхзароуп, мамзар зегь
раасҭагьы ааха ӷәӷәа зауа ҳара ҳауп…
– Саид, сыԥшқа атәым напқәа драаӡо… сыгә­
жәажәо адәы савахеит. Лара насыԥ лымазар,
зегьы сцәа иҭасыгӡон. Ҩыџьа ауаа ҳаизымхакәа
ҳхәыҷыгьы дилгар алшоит.
– Ҳаԥсуара, ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа рыӷрагылара
згәаӷь­уада?
– Аԥсуара схы ақәысҵоит, аха сынасыԥ мчыла
иампыҵсымхыр ауӡом. Лара дақәшаҳаҭхом, уи ауп
сызшьаҳауа…
– Умыццакын. Аԥсны ахақәиҭра агар, Наира
аҩныҟа дхынҳәыр, еицышәыӡбап ԥхьаҟатәи
шәԥеиԥш. Уара уабуп, ан лыгәнаҳа цәгьоуп… –
гәҭыӷьӷьала дцәажәон Саид.
Еибашьҩык изы егьи иԥсы деигӡомызт. Згәы
хьамҵуаз агәымшәақәа рыбзоурала иҭадырхоз
ақәылацәа рабџьари ртанкқәеи рымхны дара
рхаҭақәа рахь идырхон. Дара рабџьар иҭҟьоз ахы
изызгәышьуаз, иртәымыз ҳадгьыл аҿы рызқәа­
ҭыԥ ҟанаҵеит. Анцәа иишаз Аԥсны хылаԥшыда
инижьрым, уаҩ игәамԥхоз даара ирацәан. Аҳәы­
лыҳәа асы илеиуаз аибашьцәа рзы иҽеимызт.
Изҭатәаз аҭабиаҿы иҭӷәыхаа, еилатата ианыз
ашьа­пышьҭақәа аси аҳәынҵәеи еилашьыхеилаҵаа иҟан. Аибашьцәа ршьаҵақәа цәаакын,
аҵаа иахьылагылаз илаҳәны иҟаз ршьацәкьарақәа
аус дыруа, инеиҭаԥа-ааиҭаԥон.
– Мца хәыҷык ахы анаҳкуаз иҳабаргәыз, уажә
зынӡа ҳааиҿаххит, даргьы ҳаргьы ҳаибамбартә.
– Рзааигәа ҳшыҟоу усгьы ирдыруеит…
– Ҳҭыԥҵәҟьа ҳаздырбом, зегьы абра ҳҭаршьуеит,
хы­хьын­тәи акы ааҳаларыжьыр.
– Ауаҩ иԥсҭазаара акы иаԥсамкәа ишԥаҟалеи,
еҳ, ауаҩымыжда знык ами даниуа?!
– Ҳаԥсадгьыл ада адунеи иқәаҳхуеи, уеизгьы
мышкы ииз мышкы дыԥсуеит. Ҳатәцәаны ҳаҟазар
аасҭа, ҳаҟамзар еиӷьуп.
Ҩыџьа арԥарцәа рыбжьы хәыҵакны еицәа­
жәон. Дара ахьықәтәаз ахәы ақәцәаҟынтә иубар­
ҭан хәышәҟа метра рынахыс ҵаҟа иҭӷәыхаа игаз
амҩаду. Уи ала раӷацәа халараны иҟан. Уи амҩа
убри аҟара ауаа анысхьан, аҵыхәтәаны хыхь ихалоу
ҵаҟа илбаау аилыргараҵәҟьа уадаҩны. Жәохәҩык
бџьарла еиқәных рымҩа кны ирзыԥшыз ирбаз
рзымбатәбарахеит. Ақырҭцәа шьапыла акәымкәа,
акыӡӷы иаҿалеит БМП-қәа рыла. Аԥсуаа шьҭа
хьаҵшьа рымамызт, ирҿамгылар ақыҭа иалалон,
иццышәыртәуан.
– Ҳамчқәа еизаҳкроуп! – акомандир ибжьы
ҿацаӡа ина­рықәиргеит. – Шәыҽшәырхиа…
Асы ааҭгыларак ҟамҵакәа ишауц иауан. Иаха­
тәи аҵаа ҵәахны шьамхашәара ишьҭагылахьан.
Ицоз аиҿахысрақәа рышьҭыбжь оуман. Атанкқәа
шааиуаз амардара иаҿахеит, харабӷьара рҽыԥ­
са­ҟьаны бзарбзанла ахысра иналагеит. Ахәы
акәаԥраҟынтәи кәараҷҷак ухыԥшылозшәа зегьы
убарҭан. Наҟ-ааҟ аԥсыҭбарақәа ҟалеит. Ирхәыз
сицхраауеит ҳәа инаихаххуазгьы ахы дагон.
Иахьатәи ржәылара ҵыхәтәантәизаргьы, имаиаа­
ир ауӡомызт. Ибналт зыԥсы ҭахаз, ртанкқәагьы
рыԥсцәагьы кажьны ршьамхы рҽадыргеит…
Асду анаузтәи ашықәс иахаану ишырҳәалоз
еиԥшҵәҟьа иауама ҳәа гәаныла ихәыцлозгьы,
ирхыԥсаахьан рцәа-ржьы иалалаз ахьҭа. Еиқәхаз,
иҭахаз рыԥсыбаҩқәа еидыркылон. Иабаҟаз ац­
хыраара лас… заҟаҩ шьабаны иԥсыда, шаҟаҩы
анапы рмоуда? Аԥсны игьежьуа иалан ашәиԥхьыӡ.
Уи ҩныцыԥхьаӡа иныҩналон, ашҭа инҭагьежьны
ашьхақәа, акаршәрақәа, адә­қәа ирхыҩуан.
Аԥсацәа ирықәлаз аӷа дыршәиуан, иқәылаз
ирзымгаз атәым дгьыл иқәынхоз аԥшәмацәа
раныӡаараз ршьа еигӡомызт. Ишәиуан урҭгьы.
Ақырҭцәа рқыҭақәа аҭацәра иалагеит. Џьоук рхала
амца ацрарҵон ҳаҩнқәа, аԥсацәа ирызнымхап
ҳәа, аԥсацәагьы ҳшьа казыршыз, ашәи зцу шәҷан
ҳҭахым ҳәа иқәыццышәаа иргон. Ҩнқәак гы­
лан еиваҽырбо, урҭ зтәыз ԥсшьара ицазшәа
ирзыԥшны. Ҵаҟа адәаӡаҿы аҭыԥ рмоузшәа
алҩаҵәқәа хәхәаӡа ажәҩан ахь ихалон. Аҟәҟәаҟәҟәаҳәа аҩнқәа рхыбқәа былуан. Аҩнеихагыла
дуқәа қьаԥҭаханы, амӡырхақәа алауубжь ҭыҩуан.
Еилаблыз аҩныргәқәа рҿы ауаџьаҟқәа ргәыцәқәа
хәхәаӡа, ашҭақәа рыгәҭа ҳаҭгәынҵас иаанханы
иҟан.
Зхы згәы ахшәахьаз Инал аибашьра амцаҿ
иԥшааит иҭыԥ. Уи уа гәыцәс дрыман. Ицә­гьан
напсыргәыҵа хәыҷык ианӡалоз Аԥсны аҭа­гы­
ла­заашьа, ақырҭуа икылигаз ир рхыԥхьаӡара
ҳәаадан. Иҭахон Аԥсны аҵеицәа рыԥсадгьыл ахьӡ
шырҿыҵакыз.
Ажәлар еишәареиҵараха аԥсуа радиои ате­ле­
хәаԥш­реи рцәырҵра ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшын.
Ишҭахац иҭахон изжәыша аӡыхь ахы ыҵнамхыцыз
арԥарцәа гәлымҵәахқәа.
***
Амра каххаа ишыԥхозгьы, азныказ, иԥжәаз
артҟәацга иқәнарчыз ахәшәбылфҩи алҩеи ааи­
гәасигәа игылаз дунамырбо иааҟалон. Харабӷьара ажәҩан ахь аҽанаҟьо ашьҭа арӡра цәгьоуп.
Зыгәҭа еиҟәыжәжәаны икажьу адгьыл, ажьқәа
ҭырыжәжәазшәа, ахьаа иареиџьызшәа, ирыцҳахә­
ха иҟан. Ииаҵәҟаҟараӡа иҟаз ашьац инылаҭәеит
ашьа цәыкәбарқәа ԥсаҟьаны. Иӷызит, игәынқьит,
ажьы ахьызшәа алахь еиманарџахәт адгьыл.
Амра ахькыдыз иааицакит. Ҩыџьа аибашьцәа
қәыԥшцәа рымаха-рышьаха узымԥшаауа ицҟьашәҟьа иагеит. Ишьақәхеит наскьа игылаз рҩызцәа,
еимгеимцарак иалагӡан иаӡрыжәит аибашьра
рыбла ианарбаз ахҭыс.
Рԥыск дахьгылаз игәы ԥшаан, илабжыш нхад­
дылан, ихылԥа ихыхны ибла инхшьылан, днаԥ­
шааԥшит ӡәыр сибамашь ҳәа. Иааигәа еиҵаӷәӷәа
игылаз, зықәрахь инеихьаз абырг ҿааиҭит:
– Иаҭахым, дад. Хаҵарыла зыԥсадгьыл зхы
ақәызҵаз ҳҵәыуарым. Урҭ ҳаԥсы ҭанаҵы иҳац­
заауеит, иаҳхашҭаан­ӡа рыхьӡ кашәара ақәӡам.
Ргәалашәара ҳанаҟәыҵ ауп ианыԥсуаҵәҟьа.
Иҭыжаан ажәҩан ахь абомба иаршәыз анышәи
ахаҳәи ирылалан адгьыл ахь ихынҳәуан артҟәац­
га еиҩыҵәҵәа иагаз арԥарцәа рхәамцқәа. Ааскьа
алаф ҳәо ицәажәоз, уажә адунеи ишаныӡааз аха­
ҵара рзыцәгьаны, ԥхыӡу лабҿабоу излоу рзым­
дыруа игылан рҩызцәа.
Харантәи еибарҩны иааз гәыԥҩык аибашьцәа,
ҳац­хыраара рҭахызар ҳәа згәы иаанагоз, изыхәоз
ҳәа акгьы шыҟамыз анырба, рхылԥақәа нархыхны
рхы ларҟәны инагылеит.
Абџьарқәа, рыҿқәа еихашәызшәа, еиқәы­хь­
шәашәа ишьҭан. Абомба рылазыжьыз аҳаирплан
амца акны ахыгьежьаара ишаҿыз ашьха аган
ахь ишцоз, абылтәы ахьҭаз аган амцабз ҩалҟьан,
ажәҩан ырлашо итҟәа­цит. Иаақәыԥсычҳан, аи­
башьцәа маҷк уи ала ргәы рҟажон. – Уахь иҟоу
шәал­хымзааит. Шәахраҭ бзиахааит. Адгьыл шәзы­
бымбылхааит. Шәшьа ҳуит, шәыгәқәа ҭынчыз… –
аҿааиҭит ркомандир Инал.
Еиқәышьшьы, рҩызцәа рыԥсыбаҩқәа неизак­
ны, ахәла­ра рҽалакны идәықәлеит, даҽа ԥсыуа
ҩна­ҭа­қәак ашәы ршәызҵоз ахьаа рыманы.
Аибашьцәа рхәамц рымаҭәақәа рыла еил­
дыргашәа руит акәымзар, иаахҵәаҵәҟьан агәра­
гара гәаӷьыуацәан, аӡәы итәы даҽаӡә иахь иамгеит
ҳәа.
***
Џьара арҵәаа-арҵәааҳәа аҳәҳәабжь геит.
Уи инашь­ҭарххны амыткәмабжьи аӷызбжьи
неилаӡ­ҩо, аҵх лашьца агәҭа еиҩырффо иалыҩ­
уан аԥҳәыс бжьы гәыҭшьаагаха. Игон аҳәҳәабжь
еихсыӷьрада. Зыҩны иахыз абыргцәа ашырсырҳәа
ирымԥы­хьашәоз рымаҭәақәа рышәхарԥаны аԥ­
сӡы ахьааҩ­уаз ицон. Ԥыҭрак ашьҭахь абжьқәа
еиқә­тәеит. Еизаз ауаа неилыҵ-ааилыҵқәеит.
Лыӡӷы цәыԥԥы, лыҽшьуа дгылан заҳәшьаԥазаҵә
дҭахаз аԥҳәыс.
– Ишԥалуеи саҳәшьа мыжда? Лызаҵә анышә
днаҭан, адунеи дышԥақәло? – дуазыруан лы­
лабжыш лҿыкьасо. – Анцәа, о Анцәа! Ирхарои
ҳхәыҷқәа? Рыдгьыл изахубааи, уаҳа царҭа
рымаӡам. Иаҳзууи, Анцәа… ҳашԥаушьи… иазым­
хаӡеи сара сыҷкәынцәа ршьа. Урҭ асакаса иан­
ҵаны исзааргеижьҭеи акгьы ҵӡом. Рнышәгәы
ашьац ықәымиаац, Ахра, Арсоу шәан, сара сҭыԥан
шәашьа дыжәгеит, шәан! Сара салгахьан, шәан,
саҳәшьагьы дҭашәырхеит, шәан. Схәыҷқәа рнаҩс
уа суқәгәыӷуан, Нарсоу, агәы иқәхаз уан лаҳәшьа
анышә дауҭап ҳәа. Ҳашәқәа ашәыркит, шәан. Аҵеи
бзиа ажәлар дырҵеиуп, Нарсоу, шьҭа ҳәатәыс
исымои? Аԥсны, Аԥсны ҳҳәалароуп саҳәшьеи
сареи – уи ауп ҳаҵәҩаншьап, – абас дҵәаауан,
зыӡӷқәа цәԥуа, зымч зегьы зылӡаа илаӷырӡышоз
аԥҳәысбырг.
Ԥыҭрак ашьҭахь еихсыӷьит игоз аԥсӡы, анаҩс­
тәи ақыҭахь рҿынархеит ауацәа, агәыцхәцәа.
Агәылацәа аҵх лашьца рҽалак, ҿымҭ рыҩныҟақәа
рахь ицон, иагьхәыцуан «шьҭа угәы рҭынчны ушь­
ҭалан узлацәарызеи» ҳәа. Еиқәтәомызт ахьаа­қәа,
еилгомызт аибашьра.
Аибашьра ахаҭа аҵакы аилкаара уадаҩуп.
Ирзымхои еиҿагыло ажәлар? Аӡә иитәу узаҳәои,
усгьы уа унхозар?! Аӡә дызхылҵыз итәыла
уара уаднакылома гәыразыла? Ижәлар рԥеиԥш
лашазы ишьа каҭәаны идгьылаз деибашьуазар,
ихарои гәыԥҩык аибашьцәа звыршьааз ркоман­
дир Инал. Есааира аԥсуаа рхыԥхьаӡара иагырхо,
ирылахысуан агранатаршәгақәа рыла. Есааира
иҭшәахон амацәаз. Аиҳабыраа рымчқәа ирықә­
гәыӷны, ажәылара азин змаз Инал игәыԥ,
иахьынӡарылшоз, раӷацәа ирҿагылан еибашьуан.
Еилаӷәаа еилажьыз аҷкәынцәа қәыԥшцәа еикәа­
ҵәиуа, зхьаа ззымычҳакәа иҳәҳәозгьы ыҟан.
Зегьы ԥшын ианамуӡах, ажәҩанахьтә иаҳхаԥраан
ҳаӷацәа зегьы неилаҟәыбаса ишԥақәрымҵари
ҳәа… Игәыӷуан… Зегьы шгәыӷуаз рынарцәымҩа
иқәлон… Еибгаз уаҩ даанымхеит. Ибла ҭраа,
иблаҷыц еиԥш дрыхӡыӡо иихьчоз иеибашьцәа
лаԥшыла иааимидеит Инал… «Сара снапы шәанын,
саҭашәымҵан, шәысзымыхьчеит…» – дын­хьа­шь­
шьит иаргьы.
Имлашьуа, иҟыруа игәароу алаҳәақәа иреиԥ­
шын ҳаӷацәа. Еилаххаа еилажьыз аибашьцәа
рыгәҭа зыԥсы ҭоу ӡәыр дынхазар ҳәа еимдо
иахьырхаз, знапы, зшьапы хәыз, аха зыԥсахәага
ҭаз ҳәынҷаны рааигәа игылаз амашьына «Газик»
иақәрыжьуан, егьырҭ, адәаӡа иқәжьыз аҟәҟәаҟәҟәаҳәа еиҭах ирылахысуан. Итҟәаны иргоз
дрылан зыхдырра зцәыӡны иҟаз Иналгьы.
Зызшьапык хәыз, Инал игәыԥ иалаз солдаҭк
ҽырԥсы ҟаиҵан, дымҵысӡо, ивыршьааз изааигәа
ихы-иҿы анышә аӡа инықәырӷәӷәаны илацәақәа
неиқәиԥсеит. Имлашьуаз алаҳәақәа рыбла иа­
жьеит, машәыршәа дырцәыбжьахан деиқәхеит.
«Имԥсыша аџьма…» – иҩызцәа шәаџьҳәаҩыс
дырзынхазшәа дааҳәыцымыцын, еиқәыхьшәашәа
иқәжьыз амахәар ԥсада ашьшьыҳәа дҩахан,
дааҵыҵит. Иааикәыршан ишьҭаз ирыхьшыз ашьа
уахәаԥшны уеиламԥсакәа, гәырҩада-хьаада ҭынч
наунагӡа анхара цәгьан. Илыҵшәадахеит уажәтәи
аибашьцәа ржәылара, ирызгәамҭакәа изҭахаз
«амацәаз» иҭаршьит.
«Имԥсыша аџьма…» – ихы деиҭазхәыцуа,
ииу­лак дҳәазаны аԥсцәа дрыҵыҵит. Имаҭәақәа
ԥыжәжәаны илыжж ицоз ишьа аанкылара
далагеит. Ихәра ахьаа цәгьан, аха иааикәыршан
иԥыххааса ишьҭаз иҩызцәа ибжьы раҳаны
ихыччар ҳәа дшәон, дшәон аӡәы ҽыԥныҳәак
ииҭар: «Зегьы нҵәеит, уара узланхеи?!.» – ҳәа.
Дҳәазо, инацәкьарақәа ашьац, анышә иаларԥс
иҿынаихеит. Уажәы-уажә иԥсы шилышәшәозгьы,
мчыла иԥсҭазаара дазықәԥон, дызлаз игәыԥ
аҭахашьа
еиҭаҳәатәын.
Урҭ
ршьоуразы
мацаразгьы цасҳәангьы сыԥсы ҭымҵроуп игәа­
хәуа, иԥхӡы ԥхьаиҳәон, ақырҭуа ихымҩас
иааннамкылаз аибашьҩы.
***
Иԥаҵа еинчылан, ихцәқәа икәа иҭаԥсон.
Аԥхӡы илҵуаз уа инаилабон… Идызцалеи
атәымуаа? Дашьцылахьеит агәаҟра, ицәа-ижьы
шәытак ахьамам ҭыԥк нымхеит. Ибла иша­
боз аӡәырҩы дыргәаҟхьан, нас гыгшәыгҵас
рҽеиҭакӡан, рыхәдақәа аҳәызба ныҵыршьуан…
Ирыцҳахәха, иҭааӡа иааԥшуаз аблақәа рыла­
шарагьы еимгеимцарак иалагӡан ирцәыӡуан.
Зегь рԥеиԥш Иналгьы изыԥшын. Уи иидыруа
рацәоуп, ишьҭахь иаанхаз ирымоу, ирыхӡу шаҟа­
гьы ишәарҭоу аилкаара акәын изышьҭаз. Аха
ҿиҭуамызт арԥыс, уи еиланагон ақырҭцәа. Рыԥсы
аҵаҟа иҭахәаҽны иаарымаз рцәымӷра зегьы
хышхыҵәон. Зегьы ишырбоз ддырҳәацәарц ибла
иҭарыкшаз аҵәыршы дарӡрыжәит. Ихы инаркны
ишьапаҟынӡа иӷрысыз ахьаа иԥсы ҿнакааит.
Усҟан илыԥсааз идақәа иахьа уажәраанӡагьы
иҩаны ицәа-ижьы иалоушәа ибоит. Изакәытә хьаа
хлымӡаахыз, идам-здам уаҩы ицәа изҭагӡарымызт
угәахәрын. Адунеи алашара ацәдырӡит изблак,
аҟырҟырҳәа џьоук ччон, ҽаџьоукых ргәы ԥыжәжәо
шәарахҵас ихәаауан. Инал ихаԥыцқәа аҿҿа
рыҵгон, иахьеихаирӷәӷәоз иԥыҽҽны иҿы иҭаԥсон.
Даагазҽазит, ариабжьарак дахьдырҳәацәоз имч
зегьы илӡаахьан, анаҩстәи ахгара шилымшоз
ибон. Аԥшқа амышәкәан хәыҷы дылаҳәан, Наира
дылгәыдырӷәӷәала дыкны ибла даахгылеит. Уи
лылабжыш лҿыкәкәа ицон, диҳәон лхәыҷи лареи
нимыжьырц… Еиҳа-еиҳа еибгаз иблагьы алашара
ацәыӡуа ианалага, ихаҭагьы иԥсы маҷхан,
дынхьашьшьит.
***
Изыԥсоузеи ҭаҭын цырак, аха ара дҭакуижьҭеи
идырбоит ауп ҳәа, зныкгьы дадмырхац. Уимоу
аӡыҵәҟьа ирҭогьы ҿамҩа-ҿамҩа идыржәуеит.
Ара дыҟоуижьҭеи хар имамкәа ақырҭшәагьы
иҵеит. Ирҳәо зегьы изеилымкааргьы, аҵакы
идыруан.
– Баша дызҳарххои? Аиҭныԥсахлара аныҟаз
дҳамбац ҳәа мап ҳкит. Зегьы хыҵны ишьҭоижьҭеи
заҟа ҵуеи? Иаԥсам ирххара. Абыржәраанӡа
иимҳәаз шьҭа иҳазирҳәаӡом. Иҭыԥ дықәышәҵа,
«ҳасас» дҳадхалацәеит, – аиҳабы априказ ҟаи­
ҵеит.
Ԥшьҩык аҷкәынцәа бџьарла еиқәных Инали
даҽа ҩыџьа абаандаҩцәеи рыманы ашьха
акыӡӷахьы рҿынархеит.
Ибла иҭырблааз хырҩа амамызт. Аӷьара
азыцә­гьан, зны – аҭәа, зных – аӡы аауан. Ахьаа
оуман. Абнаршәыраҿы ианнеи, ихы изымдыруа
дҟәаҟәаса дкарыжьит.
– Дгәаҟлааит, игәы ҳамеихсып, – иҳәан, рԥыск
Инал ижәҩахыр итапанча назымариашан дхысит,
– ҳа – ҳа – ҳа.
– Сара ишьапы шыҟоу сыхәмарып, ҳа – ҳа – ҳа,
– ицқәа хьырвырӡа, ибжь ду ҭганы аҟырҟырҳәа
дааччеит, – «Аџьма имԥсыша…» ҳәа, аԥсуаа
жәаԥҟак рымоуп… – ҳа – ҳа – ҳа... да, иҟам амаҵә
лаҟәуазар, ҳа – ҳа – ҳа. Аԥсуаа «Аԥсны анцәа
иҳаиҭеит» рҳәон, анцәагьы амахә рзылбааишьҭ­
уа­зар акәхап, ҳа – ҳа – ҳа, – икьатеиах ԥҵәон.
– Ҭаҭынкгьы иаҳҭап, ахара илшозар, – ирҩаны
иҟаз уаԥсҵәык аҭаҭын агазеҭ инылаԥсаны, иаԥхьа
инышьҭаи­ҵеит, – ари шьҭа ԥсык диҩызоуп, зашәа
иаанхаз аԥсуаагьы ҳбаша, иеишәа ҳаргылап, –
рҳәан, еибарччо инаиԥырҵны ицеит. Ԥыҭрак ашь­
ҭахь дааҳәыцымыцит Инал. Иԥсы шҭаз аниба,
ихаҭагьы иџьеишьеит. Иварахь дахьынаԥшыз,
ашьа рыхьшы икажьын ицааргоз. Руаӡәк уажә
акәын аҿар рыԥсҭазаарахь ишьаҿақәа анеихи­
гоз, зынӡа дқәыԥшӡан, егьи – иқәрахь днеихьан,
иибахьаз рацәан. Еилаҳанто аԥсабареи ажәҩани
ак еимакны еиҿыхозшәа иҟан. Аԥсреи абзареи
еиндаҭлон, еиҳа аԥыжәара зауада ҳәа. Деихеигәо
ихәрақәа зегьы гәаҟрыла ишижәагәазгьы, изаа­
нымкылоз ашьа имаҭәақәа ирылыжж ицон.
Аԥсны рыцҳа аӷызы-ӷызбжь ааинырит Инал.
Аԥсуаа рхьаа изаҵымӡаауа еидаран иаҵан.
Еикәарҳәны иҟаи­ҵеит аҭаҭын ҵәқәа. Дамы­
хеижьҭеи иҵӡоз?! Уажә шәаџь­ҳәара изырурц
дақә­дыргәыӷуазшәа, адгьыл аӡа иԥса­ҟьаны
иқәыԥ­сон дзыхоз рцыблаахақәа. Ибон иаамҭа
нас­кьацыԥхьаӡа иԥсҭазаара аҿҳәара шааигәахоз.
Издыруамызт заҟа аамҭа дытҟәаны дрымаз, ан­
цәа идагьы дзықәгәыӷуаз димамызт. Аԥсра абла
данхыԥшылаҵәҟьа, игәы иаацәымыӷхеит: «Ҳаи,
анаџьалбеит, заҟа ҟаҵатә сымааз, сзыхьӡаз аасҭа
сызхьымӡаз еиҳауп… хьаада аԥсра зыԥсоузеи?
Иҟои Аԥсны, сызлыҵыз зҭагылоу сзымдыруа
нарцәыҟа анеира цәгьоуп, сҩызцәа исывыршьааз
ирасҳәои?..» – ихаԥыцқәа неихарӷәӷәаны игәы
иҵхоз ицәа инҭаихәаҽит. Иоуразоуроу имахашьаха адысра иаҿызшәа ибон. «… Ирасҳәои саԥхьа
ицаз?..» – игәы иҵхоз ихәыцрақәа еилаԥаҭон.
Ибла ихгылоз иаарылҟьеит Наира лцәаара:
«Сныжьны уцар, ухәыҷы дызласааӡои, Борис
дабхаӡом схәыҷы изы… Инал, И-на-ал», – лыбжьы
игәы инықәҩит.
Ихы ааиҟьан, дааԥышәарччеит. Аха уи аарла
еихихыз иқьышәқәа ирықәыххыз агәырҩа иал­
иааз аччаԥшь ашьа налыжжит. Ҿыц иҵхәрааз
аӡыхь хәыҷы еиԥш,ицламҳәа шыҟаз аҿынанахеит.
Илаԥш нахигеит иааигәа еилашәыршәыруа аԥша
иарҵысуаз ашәаԥыџьаԥ. Зегьы ахаацәа рхьыкәкәа,
еилыԥхаауа акалашәа иҟан. Иара дааҟәымҵӡакәа
ақьаад ԥжәахақәа аҭаҭын рылаҵан еикәаирҳәуан.
Акы дахан иршәуаз ацыблаха адгьыл иқәкьысаанӡа
даҽак амца наиркуан.
Ицон аминуҭқәа ццакны. Ишьапы ивыԥсаа­
хьан, има­хәаргьы ахьаа шьҭа изымычҳаҵәҟьо
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Абзиабара ашәа - 04
  • Части
  • Абзиабара ашәа - 01
    Общее количество слов 3355
    Общее количество уникальных слов составляет 2543
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 02
    Общее количество слов 3397
    Общее количество уникальных слов составляет 2464
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 03
    Общее количество слов 3409
    Общее количество уникальных слов составляет 2499
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 04
    Общее количество слов 3394
    Общее количество уникальных слов составляет 2581
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 05
    Общее количество слов 3435
    Общее количество уникальных слов составляет 2492
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 06
    Общее количество слов 3444
    Общее количество уникальных слов составляет 2551
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 07
    Общее количество слов 3388
    Общее количество уникальных слов составляет 2457
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 08
    Общее количество слов 3411
    Общее количество уникальных слов составляет 2401
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 09
    Общее количество слов 3381
    Общее количество уникальных слов составляет 2504
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 10
    Общее количество слов 3389
    Общее количество уникальных слов составляет 2494
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 11
    Общее количество слов 3370
    Общее количество уникальных слов составляет 2382
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 12
    Общее количество слов 3397
    Общее количество уникальных слов составляет 2332
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абзиабара ашәа - 13
    Общее количество слов 2075
    Общее количество уникальных слов составляет 1508
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов