Latin

Абду Ажьгьери - 11

Общее количество слов 3409
Общее количество уникальных слов составляет 2077
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
– Уажәшьҭа сара сымҩа абрахь ауп иахьгоу, –инапы наирххеит Нырбеи. – Асабша ауха Шаликәа иҿы
ҳаиқәшәоит. Уи ҳнеиԥхьоит хымԥада! Светагьы усгьы уа
дҟалоит, урҭ еигәылацәоуп, амаҵгьы лурҭоуп.
– Уигьы бзиоуп! – дааччеит Рома. – Уаанӡагьы
ҳаиқәшәоит.Нырбеи ииҳәаз ҵабыргхеит, Шаликәа иԥҳәысаагарахь
инаԥхьан Ромагьы иаргьы. Изламаӡаз ала, ачара аҿынӡа
даабжьигон, аха иақәшәаз ауаа рацәаҩхан, чара хпыҿк
ҳәа ззырҳәоз иуит.
Рома ачараҿ зегь раԥхьа илаԥш иҵашәаз Света лоуп,
игәгьы аахыҭ-хыҭит. Лара Света лакәзар, бла ҵа­ры­ла
илыхәаԥшыз лымдырырц залшомызт лҟазшьа ераз­­нак
ишеиҭалкыз, дықәгьежьаа амаҵ шылуазгьы, Рома иахь
лассы-лассы дымнаԥшыр лгәы иауамызт. Ҵа­б ыр­г уп,
аҳәсахәыҷқәа уажә Рома иахь зылаԥш хаз рацәан, аԥшреи
асахьеи рзы Анцәа дыззылԥхаз арԥыс, дацклаԥшны
иҽанеилеиҳәа, улаԥш идымхаларцгьы залшомызт. Света
уи уахаҟара дылгәамԥхацызт. Лҩызцәа цәыҵахәыҭхәыҭуа
изырҳәоз алафқәа ахьлаҳауаз, дихыбаан, лгәы амца
анаркуан. Аха уи дара иабардыруаз.
Аҭаца лаагара уиаҟара иадымхалт, асааҭ жәаба ҟала­
хьан еиԥш, аҭацаагара ашәа «Радеда» ҳәо, ашҭа иааҭалеит.
Абри аамҭаз, аҭацаагацәа рԥыларазы ианаадәылҵ
Рома дыԥшызар, Света иааигәараҵәҟьа дгылоуп. Маҷк
лара лахь днаскьан:
– Ашьыцра сыламыз џьысшьон, аха иахьа Шаликәа
сиҵашьыцуеит, – иҳәан дааччеит.
– Абзиа шьыцра цлаброуп рҳәоит, – ларгьы лыбжьы
уаҩы имаҳартә, аҭак ныҟалҵеит даҵамхакәа. Рома уи
игәы аарҟәандеит.
Уажәшьҭа аишәачарахь акәын зегь рхы ахьхаз, рнап­
қәа ӡәӡәаны иааркьаҿны иҟаҵаз ашьаԥа ныҵырҭәаа
илатәеит. Аԥшәма Шьаҳан астол ахаҿы аҟәардә иадгылаз днахан, дымтәакәа даагылеит. Абри аамҭазы аҭаца
лыхьӡала иршьыз ашьтәа агәи агәаҵәеи аҵәы иахаҵаны,
агәыла арԥыск ашырҳәа даакылҟьан Шьаҳан инаииркит.
Ииҳәарызеишь ҳәа зегьы еиқәыӡырҩуа изыԥшуан. Ари
уажәада имбацызт Рома. Уи уажә зегь реиҳа дшанхаӡаны
дыԥшуан, анаҩс иҟаларызеишь ҳәа.
– Анцәа ду улԥха ҳаҭ, угәыԥха ҳаҭ! – иҳәан Шьаҳан,
ибжьы ҩыҳараикит, аишәа-чара иахатәазгьы, иара Анцәа
дугьы ираҳаратәы еиԥш. – Иахьа ҳзықәгәырӷьо ҳҭаца
хәыҷы Адица Анцәа биныҳәааит! Мышьҭа бзиала аҩнаҭа
сшьаҿа еихызган бҳәартә, шьапымшла ҳаҩнаҭа даанаган ҳҳәартә Анцәа бҳатәеишьааит! Бзыднагалаз арԥыси
бареи макьана шәқәыԥшуп, шәыԥсҭазаара шәаԥхьаҟоуп
иахьыҟоу, уи аԥсынҵры ду ацны, илашаны Анцәа
иҟаиҵааит. Аԥсҭазаара ԥсҭазаароуп, зны иладароуп, зны
иҩадароуп, аха шәара шәзы еснагь агәышьҭыхра ацны
Анцәа иаҭәеишьааит! Бышьҭра ныҳәазааит, дареи ҳареи
ԥшӡала аиҭанеиааира Анцәа иҳаҭәеишьааит!
Данныҳәа ашьҭахь, иаԥхьа инықәиҵан, агәи агәаҵәеи,
ҽыҭк-ҽыҭк аарымхны, дзыхныҳәаз иаҵәца иҭаз аҩы
нарықәиҭәан, ихы дҩахеит:– Абри Ачбеи Чачбеи иларым­
ҵаҵаны иаласыр­ҭхаџьаанӡа ҳҭаца хәыҷы хыхьк бмыхьааит, гәыхьк бмыхьааит, џьа-ԥхӡы Анцәа иб­за­аим­гааит!
– иҳәан, днахан астол инықәиҵеит. Нас дзыхныҳәахьаз
иаҵәца аақәихын, дныҳәа-ныԥхьан ижәит. Зегьы «Анцәа
улԥха ҳаҭ» ҳәа раԥхьатәи аныҳәаҿа кны инеибартәан,
рхәы рнапы надыркит. Шьаҳан акы днацҳауа акыр
даарԥеиԥшит, рхәы шԥхоу акы инацҳарц, нас, уажәшьҭа
иаамҭоуп анааигәахә, зегь илаԥш нарыхганы, ашьшьыҳәа
дҩагылеит.
– Чара хәыҷ ыҟам, чара ду ыҟам, ачара – чароуп,
иара излатәу ала амҩа аҭатәуп, иныҟәгатәуп, – иҳәан,
дааҭгылеит.
– Ииашоуп, ииашоуп. Шәӡырҩы уара, шәааӡырҩи, –
шьоукгьы аадырӡырҩит.
Иахьа абраҟа иааинырслашәа иҟаҳҵаз ҳчара хәыҷы
еиҿызкаазгьы, иахатәоугьы, шамахамзар, аҿар роуп. Ус
анакәха, аҭамадарагьы дара ираҳҭап, нап здыркыз дара
инарыгӡааит.
– Ииашоуп, ииашоуп! – абжьқәа неиларԥсеит.
– Еснагь ҳара ҳаума, урҭгьы атолбашьра рбааит, –
нациҵеит быргкгьы.
– Ус еиԥш азин сышәҭауазар, – иажәа неигӡон Шьаҳан,
– толбашьс иныҳәаҿа скыр сҭахуп иахьанӡа иҳасасыз, аха
иахьа ҳқыҭа аҵеицәа иарӷьажәҩан ирывагылоу Аҳәмарба
ҷкәын. Дад, Рома, уныҳәазааит!..
Аҵәца зкыз иныҳәаҿа анагӡаха иамраӡакәа, ииҳәаз
еигәырӷьан, зегь аӷзаа ааилдыргеит. Рома рыгәҭаҵәҟьа
дтәан, зны иҟалаз изымдыруа днеилууаа ихы иқәыжь даагылт. Ихшыҩ аӡыблара иаанахәазшәа, имадаӷьмадашәоит,
ихы зқәикра, ииӡбара издыруам, иаҿаршәны мап икыр,
изыӡырҩуада, хырқьиарак изаҩызоуп, мап имкыргьы,
ачара амҩаԥгара иара изы иус мариам, ҩыџьа ахьтәоу
атамадара ныҟәигахьоума! Аха урҭқәа зегьы уажәшьҭа
ибашоуп, ажәа ауаара рибамҭо хәыҷгьы-дугьы иасны иныҳәаҿа акра иаҿын. Иарӷьарахьгьы иармарахь,
инеиҭак-ааиҭакуа уажәы-уажә днареихырхәашәа
ҟаиҵоит Рома, аха уигьы ихьӡ ҳәаны данхьадырԥшуоуп.
– Уныҳәазааит, Рома! Аригьы маҵуроуп, насгьы уагрономра аҵкыс еиҵоу џьумшьааит, – инаҩсшәа итәаз
Арзамеҭ захьӡыз дҩеихаҵгылеит, лафк налаҵашәа.
Уи ажәлар ззыӡырҩуаз уаҩ ҟәышк иакәын, зегь иара
иахь инахьаԥшит. Ромагьы ихәыцрақәа даарылҵын
днеизыԥшит. Иҵабыргыҵәҟьаны уажә атамадареи агрономреи изеидкылома, академиа ибзиаӡаны дызлалгаз
адиплом ҟаԥшь иџьыба иҭоуп, иус-иҳәыс идыруеит, аха
атамадараҿы уи макьана дмарҵеиуп.
Рома иныҳәаҿа зегьы ианрылс, ҭабуп ҳәа раҳәаны,
иаҵәца ыжәны длатәоит иаргьы. Акы унацҳа зҳәақәаз
ыҟоуп, аха акы ацҳарахь дабаҟоу, ныҳәаҿас искри,
насгьы ишԥаскри ҳәа дазхәыцуеит, Ажьгьерии иареи
анеидтәалоу еиԥш акәзар, дԥхамшьакәа акы имҳәашази,
аха иабаҟоу!
Ашьшьыҳәа дҩагылан, еиднагалаз арԥызбеи аԥҳәыз­
беи рныҳәаҿа шьҭихит. Уи, иакәым акы иамхаҳәар ҳәа
дшәаны, иажәақәа рмаршәа кны дахьцәажәоз, зегьы
иџьашьаны ихәаԥшуан. Иџьашьаны ихәаԥшҵәҟьоз иара
дыздыруаз ракәын, урҭ асҟак изҳәоит хәа иҟаӡамызт.
Дыззымдыруаз араҟа иџьаршьоз ҳәа егьыҟамызт. Рома,
уи дзыхныҳәаз аҵәца нықәргылан, даҽак аақәихт. Зынгьы
исыватәоу снаразҵаап ааигәахәын, аха еиӷьеишьеит иара
ишидыруа икларц.
Аҳәсақәа рныҳәаҿа скуеит, иныҳәазааит аҳәсақәа! –
иҳәан, рнаҩс, армарахьтәи аган ала итәаз аҳәсақәа рстол
ахь иаҵәца наирхеит. Ари заҳаз шьоук амхаччеит, шьоукы
аршанхеит, измаҳаз «ииҳәаз закәи, ииҳәаз закәи?!» ҳәа
инеизҵаа-ааизҵааит. Рома уажәшьҭа идырит иаԥыз аҵас
шеилеигаз. Иааигәалашәеит ажәлар рныҳәаҿа шыктәыз,
аха уажәшьҭа уи ихьшәахахьан, дзыхныҳәаз иаҵәцақәа
ыжәны днатәеит. Ари еимгеимцарак акәхеит, нас ачарауаа неилабжьа-ааилабжьан, иааиқәдыршшеит. Аха, абри
аамҭаз асасцәа иреиуаз аӡәы, уаанӡагьы иқьаф ҟаҵаны
дыҟан, ашырҳәа дҩаҵҟьан иаԥхьа иқәгылаз аҵәца даҽак
ааганы илаваиргылан, ачарауаа илаԥш нархигеит.
– Иныҳәазааит ажәлар! – иҳәеит иара, ибжьы ҵрыхә­
ҵәаӡа. – Иныҳәазааит аџьамыӷәа зхызгахьоу ҳажәлар!
Иахьатәу рзымдыруа армаӷьырма акәымкәа, аԥсадгьыл
закәугьы здыруа, рыжәлар рҵасгьы-рқьабзгьы рдыруа
Анцәа иҟаиҵааит!
Абригьы иҳәеит, иаҵәца лҭыркәкәа ижәны, аҩба­тәи
аақәхны – еиднагалаз арԥызбеи аԥҳәызбеи ныҳәа­
зааит, ахшара бзиа рааӡо, ирааӡо иаԥсуаны Анцәа
ираҭәеишьааит! – иҳәан, уигьы ыжәны, бзиала иукит ҳәа
иаԥхьа итәаз иқәлак аҵәцақәа иҭан, длатәеит.
Асас даӷьны ииҳәаз ахы ахьхаз зегьы еилыркааит,
еиликааит Ромагьы, аха ирзеилымкаазшәа ҟаҵаны, аӡәы
ҟыт ааихәлымшәеит. Урҭ ҽԥныҳәа рзыҟаҵомызт, акы, уи
дуаҩ хатәран, ацәгьагьы, абзиагьы иагымкәа издыруаз,
аныҟәгашьагь ишакәхалак ҳәа акәымкәа, иацклаԥшуаз хаҵан,
ҩбагьы, дсас ӷәӷәан, Шаликәа ианшьаҵәҟьа иакәын, хԥагьы.
– Маҳҭы, иуҳәаз иашагәышьоуп, – иҳәеит Шьаҳан,
иаарԥшқашәа иабхәында ихы наиқәикын, – аха ари
дқалақь ҷкәыноуп, убарҭқәа зегь иҵарц азы аҵара ду
даналга, абрахь ҳара ҳахь дааит усура. Ажьгьери иԥаиԥа иоуп.
– Ҳаит, ихаҵкы сцааит! — иҳәан, иаҳәызба нықәҵан,
ашырҳәа дҩаҵҟьеит Маҳҭы. Иҟалаз рзымдырызт, ачарауаа
неизҵаақәеит.— Самхаццакны иакәым сҳәеит, абра итәоу
зегьы, Шьаҳан шәаԥхьа днаргыланы, ишәхароуп. Шәара
даҳшәырдырыр акәын ҳҭамада. Саҭоумҵан, ухаҵкы
сцеит. Уара ишаауҭаху ҳчара ныҟәга, уара уахьынӡатәоу
аҩызара узызуеит.– Маҳҭы ибжьы, дгәаан даныҟаз аҵкыс,
уажә еиҳагьы иҿацан. Иуҭахызар аныҳәаҿақәа иукраны
иҟоу рҿы сыхшыҩ уласҵоит – уи ԥхашьараӡам.
Ачарауаа зегь ажәа еиларԥсеит, Маҳҭы ииҳәаз ргәы
иахәаны. Минуҭқәак рышьҭахь, акы ҟамлаӡазшәа, ачара
шчараз аҿынанахеит. Ромагьы далҵын, акгьы ҟамлазшәа,
аишәачара амҩаԥгара инациҵеит.
Маҳҭы ишиҳәаз еиԥш, Рома аҩызара изиуит, зегь
гылт, рҩыџьагьы рымацара иааизынхеит. Уи уажә иқьаф
аныҟаиҵа, еиҳагьы игәы ԥшааит. Астол дахыҵны днеин
Рома дгәыдикылт-дхыдикылт, еиҭа иныҳәаҿа шьҭихит.
– Уаб Асҭамыр ибзианы дыздыруеит, – иҳәеит иара, –
иҵегь дхаҵа бзиаз џьысшьон. Уара уаныхәыҷыз, раԥхьа
уҿы ааихыхны «сан», «саб» ануҳәоз, убасҟан иара
дазхәыцыр акәын абас ушарԥысхоз, ужәлар рҿы уаагыланы рымаҵ аура шуқәшәоз, атамадарагьы шныҟәгатәхоз.
Акыр угзар уани уаби роуп изгу. Убри иуцәрыгхаз
хасырҭәаауеит ҳәа уахьаҿу, ухаҵкы сцааит, ҳамҭа дук
суҭазшәа сгәы иахәеит.
Аҵыхәтәан урҭ еидыҵит, ргәыблырақәа еидхалан
ишыҟаз. Аха, ус шакәызгьы Рома, Маҳҭы раԥхьатәи маӡааргамашәа даӷьны ииҳәаз анааигәалашәалак, еиҭах игәы
еимырхха акы иааннакылон. Еиҳараӡак уи изхымгоз
аҵыхәтәан ибжьы ларҟәшәа инациҵаз акәын, «Ус иҟоу
иаашәарҭарахаргьы издгыло дрыздырӡом».
Абри аамҭаз аухантәарак зылаԥш ихыз Нырбеи
даакылҟьеит.
– Рома, укажьны сцаз џьумшьааит, ахаҵгылацәа
ҳантәа маҷк саарыдхалт, – иҳәеит иара. – Уажәада атамадара зланыҟәумгацыз ала, «хәба» узықәсыргылоит, пату
ақәҵаҵәҟьаны аҩы ужәит.
– Уи бзиоуп, аха абри сара сызусҭада? Ладеи ҩадеи
иатәу, ажәлар змам, ԥсадгьыл змам среиуоума?
Рома изҵаара џьашьаны Нырбеи днаизыԥшит. Уи
ибзиаҵәҟьаны идыруеит гәалас имоу, аха уажә дызцәшәо
даҽакуп.
– Рома, уара аҩы анужәлак агәаара удыруама? –
иҽырҭынчӡаны, аха маҷкгьы агәала ихы-иҿы ианырԥшуа,
диазҵааит.
– Ус зныкыр субахьоума? – Ромагьы уи зхиҳәааз шидыруазгьы, ҽырдагәа ҟаҵашәа, днаизҵааит.
– Уажә усымбеит. Агәала умазар, уи саргьы сгәы
иалазар ҟалоит, уаҵәы еибаҳҳәап. Аҩы ыжәны згәала
ззымҵәахыз, иижәыз ауп изырхәо, иаҵкыс ииааит азы
рҳәоит.
Даахәыц-хәыцит Рома.
– Уара аҩы сашьыҵәҟьама? – игәы аартӡаны иҩыза
диазҵааит.
– Сахьухәаԥшуа, укәаԥӡа уҟоуп, угәала ахьцәыругаз
ауп исгәамԥхо акәымзар.
– Иухәаз саҳаит. Аҩныҟа ҳанбацо?
– Ҳҩызцәа уахь ицақәо уажә итәоуп, урҭ уиаҟара
ҳдырԥшуам, сааҭк аҟара акәхап.
– Уца, узыдтәалаз уҩызцәа рахь, – иҳәеит аҵыхәтәан
Рома. – Сара ара аҳауаҿы саалеиҩеиуеит.
Нырбеи дышцаз еиԥшҵәҟьа, Рома иблақәа даархгылеит Света, абырфын бӷьыц даҩызаха длашалашо. Уажәы уи
дымцаха игәы дыҵалт, ихьаақәа зегь уи лахь ииасит. Абри
аамҭаз ҷкәына хәыҷык амаҵурҭа дшаадәылҵыз илаԥш
дааҵашәеит. Ахәыҷы ибжьы неиқәирган, дааскьаԥхьан
диазҵааит:– Маан-ԥҳа Света дудыруоу?
– Дышԥасзымдыруеи! – иҳәеит ахәыҷы.
– Хыхь акәасқьаҿ, аҭаца дахьыҟоу дыҟазар ҟалап,
аӡәы биҭахуп ҳәа уцаны дсзаага... Хәыҭ-хәыҭла илаҳәа,
сызусҭоу умҳәан, – ахәыҷы даақәҵәин, иҿынахамҭаз,
инаишьҭеиҳәеит.
Света еразнак илдырит Рома шиакәыз, лгәгьы аҭҳара­
ҳәа иеисуа, дыҩдәылҟьеит.
Минуҭқәак рышьҭахь ашҭа аҵыхәаншәа ашәырҵлақәа
ршәшьыраҿы игылан. Хымш рышьҭахь урҭ раԥхьа
ианеиқәшәаз еиԥш, уахагьы амза каҷҷон. Ачарауаа
ижәны иҟазгьы имтәацызгьы, ицозгьы иаанхозгьы – зегь
еилыхон. Света данааиуаз уаҩы дизгәамҭаӡеит, уажә
иахьгылоугьы игәазҭаран иҟада.
– Света, аҩы рацәаны изжәит, гәыбӷан сыбҭома? –
иҽырҟәымшәышәны длазҵааит Рома.
– Сара зинс исымоузеи, гәыбӷан усҭартә еиԥш? –
лҳәеит Света. – Амала, «ахаҵеи аҩи» рҳәоит. Ахаҵа аҩы
ижәуазароуп, дашьыроуп аԥхашьара.– Света уажәраанӡа
еиԥш акәымкәа ԥхашьарада иаартны диацәажәон, аҩы
ыжәны дшыҟаз лымбози.
– Сара сашьума?
– Макьана уашьны збом. Узсыԥхьазеи, исоуҳәои?
– Светлана...— уаҳа ацымҵакәа дааҭгылеит дылзыԥшуа.
– «Света» уҳәаргьы ҟалоит.
– Раԥхьа ҳанеибадыруаз «Светлана» ҳәоуп ишсабҳәаз.
– Бзиоуп нас, усгьы саҳәала.
– Убыржә сгәы бҭаԥшны быҟандаз.
– Угәы сылҭаԥшыргьы иҭәы-иԥха иҟоуп, амшын шьамхахьы иазааиуеит.
– Света, бысхымччан. Сгәы цқьа былҭаԥшыр иббоит
Шаликәа сышиҵашьыцуа.
– Убри Шаликәа иоума избо? Уаҳа уаҩ дзымбаӡои?!
– дааччеит Света.
– Мап, Шаликәа иакәӡам... бара боуп уа ԥааимбар
ҭыԥҳаҵас иҭахәхәа иҭоу. Бара, Света боуп уа сгәаҵа
иҭаҵәаху!
– Ҟоу, угәы даара иҭбаазаап, абри сара сҭаӡартә еиԥш!
– Света!..
– Уаҳа иуҳәарц иуҭахи?
– Бареи сареи ачара анбаауа?
– Ҳа-ҳа-ҳа! — лыбжьы ныҵакшәа дааччеит Света.
– Бзырччои, сара аиашоуп исҳәо.
– Иабатәи чароу?
– Бареи сареи ҳчара.
– Уареи сареи ҳчара арбан?
Ииҳәо иҿамшәо дааҿахеит Рома.
– Света, бара ибдыруоу быда ԥсҭазаара шсымам?
– Убаржә иуҳәоит ада исмаҳацт.
– Уажә иахьбаҳаз азымхаӡои?
– Уажә ижәны ҳаҟоуп, уаҵәы иаҳхашҭыр ҟалоит.
– Сара изжәаанӡагьы сгәы иаӡбахьан, аха исзаа­
мыртыкәа сыҟан.
– Нас уажә аума угәы аартра еиҳа иахәҭаны иану­
ԥхьаӡаз?
– Уажә изаацәам ҳәа сгәы иаанагоит, амала сыгәра га,
бара быда сара ԥсҭазаара сыманы схы сыԥхьаӡом.
– Азаацәахара акәым, уагхацәазаргь ҟалоит, амала
иҭабуп ҳәа уасҳәоит уԥсҭазаара ахадараҿы сахьургыло.
– Ишԥа, «уагхацәазаргь ҟалоит» ба?! – Рома аҩы
иижәыз иаразнак ихԥсааит. Уи уажәы зынӡаск арыжәтә
аҿынтә ихы дақәиҭӡаны акәын Света дышлыхәаԥшуаз.
Еразнакгьы иааигәалашәеит раԥхьаӡа ианеибадырыз,
«азин ҳашәҭауазар аблеҭқәа шәзамаҳхуеит» ҳәа Нырбеи
ианиҳәа, «шәагхеит, ҳара иаҳзамырххьеит» ҳәа алаф
рылхшәа, аԥҳәызба ҵәрышкәа иралҳәаз.
– Уиаҟара изџьоушьазеи?
– Сгәы сажьама?.. Сгәы самжьазар, ибзаасыртуеит еиҭа.
Сара уахаҵәҟьагьы сазхиоуп, Света, уаҵәуха, мчыбжьык
ахала аҵыхәала...
Света лыблақәа аалыршаҟьшаҟьан, илҳәо лҿамшәо
диҿаԥшуа даанхеит.
– Света, сара аиашоуп исҳәо, – еиҭашьақәирӷәӷәеит
Рома.
– Иҭабуп, иҭабуп даараӡа! – лҳәеит Света аҵыхәтәан.
– Сара знапы зҟьалак срыцны сҿынасхозар, гәыбӷан
сумҭан, ԥыҭҩык рнапы сзырҟьахьеит. Амала сара гәыбӷан
усҭом, угәы иҭаз уҳәазаргьы, аҩы ыжәны уҟоуп, аҳәашьа
уақәнамыршәеит. Абзиараз, сара сцеит! – ашырҳәа
дынидҟьаны лҿыналхеит.
– Света! Света! Иҟалозар ажәазаҵәык! – ибжьы
ныҵакны иналхьигӡеит, аха Света дауаанҿасуаз, дышиашаз аддыҳәа амардуан дҩыхәнан, аҭаца луада
дныҩнапҟеит.

Аж әа ха тәи а хыСвета хьаас илыман Ромеи лареи ирыхьыз. «Аҩы
акәгәышьоуп изхароу, аха саргьы саалашәханы ииҳәаз
снақәшаҳаҭхар, аухаҵәҟьа сыжәҩа инапы ааҵхны
симан иҿынеихозар акәхарын, – дхәыцуан лара. –
Даара иҽеимкәа иҟалагәышьеит, аха сара егьсхарам.
Дсызгәаазаргь акәхап, абар иахьа ҩымшуп уаҳа ихабаргьы сирбом... Ицәгьамзаргь ҟалап ус ахьыҟалаз, –
лхәыцра даҽа хырхарҭак налҭеит, – Ԥышәарак иаҩызоуп,
усҟантәи иажәақәа ирхиҳәаауа саҳап. Усгьы егьысгьы
акы мҳәаӡакәа днаскьаны дгылозар, уи еиҳагьы еиӷьуп,
сыԥсҭазаараҿ риашашьа змам гхаҟ ҟасҵараны сыҟазар,
уи ала сыхьчахоит».
Света абас данхәыцуаз аҵара шықәс ҿыц хәымшҟа
ракәын иагыз, аха арҵаҩцәа ашкол ахь инықәлалон.
Дцеит уи аҽны ларгьы. «Уажә сахьнеиуа аусҳәарҭаҿ
дызбахыр!» – аалгәахәт. Аха даулбоз. Лҩызцәа иааины
ицақәаз ыҟоуп, аха лара шьыбжьонынӡа лҽаанылкылеит.
Данцоз аламҭала лҩызаки лареи адәахьы идәылҵны
ишгылаз, данԥшы, Нырбеи аконтора даадәылҵын, ашколи аусҳәарҭеи ирыбжьгаз адауар аанда агәашә аартны дааҭалеит. Рома дылбазар еиԥш иԥхьаӡаны, лгәы
аҭҳараҳәа иааисит.
– Мшыбзиакәа, аҭыԥҳацәа! – данырзааигәаха ибжьы
ааиргеит. – Иааиуа аҵара шықәс ҿыц шәыдысныҳәалоит.
– Бзиа убааит, иҭабуп, – рҳәеит арҵаҩцәагьы. – Уа
узгылеи арахь умааиуеи? – нацылҵеит Света.
– Уа снеир, аҩныҟа снашәԥхьозар акәхап, сара сгәы
ԥшқаханы мап сзымҳәозар акәхап, нас афырџьан, аҵәца...
мап, мап! Сыццакуеит уахь сызнеиуам.
Иааибарччеит. Света лҩыза:– Уара лафк анумҳәо усгьы
ухы ухьуеит.
– Света, макьана аҩныҟа бцома? – длазҵааит Нырбеи.
Уи идыруан лҩызеи лареи шеимҩалацәамыз. Света
еразнак цәалашәарак аалоут, аха уи лхы аԥшнымҵакәа
инаиаҭалкит.
– Амҩа сықәгылоуп, снаскьоугозар.
– Света, бара ибдыруеит ҳәоуп ишыздыруа Ромеи
сареи ҳшеиҩызцәоу, гәык алагьы бзиа хшеибабо,– еицны
амҩа ианықәла даацәажәеит Нырбеи, уажәраанӡатәи
илафқәа акы аламҵакәа. Света дзызԥшызгьы уи акәын.
Уи уажәымзар-уажәы Рома иӡбахә анбацәыригоишь ҳәа
дизыԥшын. Уажәы «уиала иуҳәарц иуҭахи?» ҳәа диазҵаарц
лгәы иааҭалкын, аха усҵәҟьа аҳәара ԥшӡамшәа лбан, усгьы-егьысгьы егьымҳәакәа лҽаанылкылт. – Ус анакәха,
иареи сареи маӡагьы ҳамаӡам, – иажәа инациҵеит. –
Иахьа командировка дцеит, жәамш дынхоит. Абри асалам шәҟәы бысҭарц снапы ианиҵеит, –днаԥшы-ааԥшын,
иџьыба иааҭыган иналиркит. – Ҳаиҩызара ҳаиҩызароуп,
аха асалам шәҟәы изызку лыда аԥхьара азин ыҟам,– иану
шизымдыруагь еилылкаартә инациҵеит.
– Иҭабуп, – лҳәеит Света.
– Бҩыза былцәхсырҟьеит, аха абри азакәын бзысҭахыз,
абзиараз, – иҳәан, дналеихырхәан, имҩа днықәлеит.
Света, архәара даваҵәиаанӡа аамҭа лымхарацәаны
лгәы хыҭ-хыҭуан. Знык иаахыртланы слахәаԥшындаз ҳәа
акәын дшыҟаз. Абар уажә иахьаахлыртыз.
«Мшыбзиа, Света!
Иацы ашкол ахь бнықәлозар сгәахәын, аха бхабар
зымбеит. Бызбаргьы «саҭабымҵан» ҳәа акәын, уаҳа
ибасҳәозеи! Издыруеит, бгәы нсырхеит, аха бара бҟәыш­
рала ишсанабыжьуагь агәра ганы сыҟоуп. Уажәтәи ала
абзиараз. Рома».
Света асалам шәҟәы данаԥхьа лхаҭа илызгәамҭаӡо,
дааԥышәырччеит. Рома иажәақәа лгәы аадырҟәандан,
дрызхәыцуа, ашьшьыҳәа лҿыналхеит...Рома Гәдоуҭатәи аҭаҭын ферментациатә зауад аҿы
дыҟан. Азауад адиректор Борис Дамеи-иԥа Ладариеи
иареи еибадырын, иаашьа, хықәкыс имоу уҳәа зегь
иеиҳәеит.
Борис Дамеи-иԥа араинагӡком ахантәаҩра инаркны
кыр амаҵурақәа ибахьан, анапхгаратә ԥышәа змаз, уаҩ
ҟәышк иакәын, аҵыхәтәан, иааԥсарақәа ҳаҭыр рықәҵаны
аҭаҭын ферментациатә зауад еиҳабыс дҟарҵеит, аха
аҭаҭын атәы иидыруаз маҷын.
Иқәрагьы кыр инеихьан, уаҩ ҭәык, ихы аапашны.
Кәыркәазы аҳауа кәалкәаџьо аҭакар катәаны ианыҟоугьы,
еснагь костиум маҭәала деилаҳәан, ихәда агалстук аркны.
Анапхгаратә маҵураҿы ус иахәҭоуп ҳәа еснагь деиқәҷаб
дыҟан.
Рома даацәажәан, икомандировка хықәкыс иамаз
аниеиҳәа, маҷк дааршанхеит, нас ҳамҭакы дазхәыцуа
дтәан.
– Избзоурада абри азҵаара ашьҭыхра? – ихы дҩаханы,
диазҵааит.
– Ус аколнхара анапхгараҿы иааӡбеит, – иара ишибзоураз иҳәар дацәыԥхашьеит.
– Даара иус бзиангьы ижәӡбеит.Ари анаҩс ҳзызхәыцша
зҵаароуп. Ҳара ҳхаҭа иабанӡаҳахәо!
– Ҳаргьы иҳахәап, шәаргьы ишәыхәап ҳәоуп ҳшаз­
хәыцуа, — даахыхәмарит Рома...
Ашьыжь инаркны хәылԥазынӡа, зны-зынлагь асааҭ
жәеиза, жәаҩанӡа азауад аҿы аусура еилашуан. Ҭаҭынла
иҭәны амашьынақәа еицырхәоуны игылан. Асорт гәазҭоз,
изкапануаз, урҭ ирыҵганы изгоз иццакы-ццакуа зегь
русқәа ирҿын. Зны-зынлагьы аҭаҭын азҭози издызкылози
аӷьалпал ҭарҵон, аха, нас еиҳа зҿаԥыц ӷәӷәаз итәы ианиргалак уа иааиқәтәон. Зҿаԥыц ӷәӷәаны ара иҟаз аҭаҭын
асорт гәазҭоз ракәын.
Рома убарҭ асорт еилыхыҩцәа рҿы акәын аус ахьимаз.
Уи раԥхьа аусура данналага аҭаҭын атәы иидыруаз маҷын.
Ҳәмаркыҭ аҭаҭын акәын культура хадас иҟаӡаз. Даалаган,
аҭаҭын аарыхра атәы зҳәоз ашәҟәқәа еизганы, аҭҵаара
нап аиркит, арахь хазгьы иаазрыхуа дрышьклаԥшуеит.
Аҭаҭын аҳәынҭқаррахь иаларгало ианалага абригадирцәа
ааизганы дразҵааит, асорт бзианы издыруада ҳәа.
– Аӡәгьы иҳаздырӡом, – иҳәеит зегь раԥхьаӡагь
Нырбеи.
– Ҳара ҳаспециалистума, аспециалистцәа, асорт гәазҭо
афермзауад аҿы иҟами! – нациҵеит даҽаӡәгьы.
– Дара аҭаҭын аазрыхуа асорт ҳәа акыр рдыруоу,
еилыхны ирденгьратә еиԥш? – еиҭаҭиҵааит Рома.
– Урҭ иабардыруа, идзырбахьада?! – иџьаршьеит
изҵаара.
– Ус анакәха, ҳколнхараҿ аҭаҭын асорт здыруа аӡәгьы
дыҟамзаап!
– Аӡәгьы! – рҳәеит еицҿакны гәырӷьаҿҳәашак аиԥш.
Абри еиԥш аицәажәара аныҟаз ашьҭахь ауп Рома
аколнхара анапхгараҿы азҵаара анықәиргылаз, аҭаҭын
афермзауадахь жәамшҟа командировка дрышьҭырц.
Уажәы аҭаҭын асорт азҟазацәа иҽрымаданы ихаҭа аҭ­
ҵаара даҿуп, хәыц-хәыц иҭҵаауа. Абасала ихала асорт
шьақәиргыло далагеит. Хәымш рышьҭахь, ихала аҭаҭын
асорт гәаҭаны импыҵижьыртә, аԥышәа иоуит, нас иац­
ҵаны иҿынеихеит.
Убри аламҭала ҽнак азауад адиректор Борис Да­
меи-иԥа аколлектив зегь ааизиган, ирылеихәеит, Аме­
ри­катәи аҭаҭынхәҳаҩык уаҵәы даараны дыҟоуп ҳәа,
иагьрыдиҵеит доус рҭыԥқәа цқьа-шәқьа еилфаҷа иҟар­
ҵарц. Ромагь гәҽанызаарак ааиоун, дааиԥхьхәыцит.
Америкатәи асасцәа аби ԥеи ыҟан. Аб – дхаккала,
уаҩы аук, абаакы, ихахәы ҟәашәӡа ишлан, ихы-иҿы
уиҿамԥшкәа уихәаԥшуазар, «капиталист лиукс» ҳәа
ззырҳәоз иакәын, аха уиҿаԥшыр ԥшрацәгьак, ихы-иҿы
мақьаӡа, ицламҳәа ааҟьаҟьаны илакыҵақәа хьанҳалаӡа
акәын дшыҟаз. Ибжьы гәаҩаӡа, акартош-ца иҿы иҭоушәа,
ибз иҿы иааҭырбылгьо акәын дышцәажәоз. Еиҳараӡак –
англыз бызшәала иԥа даниацәажәоз. Уи хар амамкәагьы
аурысшәа идыруан. Адиректор икабинет аҿы аицәажәара
анрымаз иҳәеит аҩажәижәабатәи ашықәсқәа раан
ҩынтә араҟа дааны аҭаҭын шихәҳахьаз. Аҵыхәтәан
уи араҟа дыҟан 1935 шықәсазы. Америка уи «аҭаҭын
крал» ҳәа ишьҭазаап. Ниу-Иорк, Вашингтон, Чикаго, ЛосАнджелес, даҽа ҩ-қалақьк рыӡбахә иҳәеит ихатәы ҭаҭын
фабрикақәа ахьгылоу.
Асас Џьозеф Флеит ихьӡын.
– Иҟам тәылак сара аҭаҭын ахьысмыхәҳац, – иҳәеит
иара, – аха аԥсуа ҭаҭын «Самсун» еиԥш џьаргьы исԥы­
хьамшәацт, иара аԥсадгьыл Ҭырқәтәылагьы налаҵан.
Уажәы сажәуа саналага «сҭаҭын тәылақәа» сԥа исырбап
ҳәа зӡбын, ҳашәзааит, – иҳәан, иԥа иахь инхьаирԥшит. –
Џьеимс, иугәаԥхауоу ари атәыла, арҭ ажәлар?
Џьеимс ихы ааирҵысит, исгәаԥхоит аанарго. Уи
иаб иԥынҵа дылкылшәеит уҳәарын ҭеиҭԥшла. Амала,
иаб иаҵкыс дыԥшӡан, ихахәы ҵаӷаӡа ирнаашәа ҩада
иԥхьаҳәан.
– Ари сара соура имазаргь, иан лоуп дзеиԥшу,– иҳәеит
аб, уи ала иԥҳәыс дшыԥшӡаз алеиҳәарашәа. — Иан
шьҭрала арахьтәуп, украинкоуп.
«Уи акәхап рҩыџьагь аурысшәа зырдыруа», – ааи­
гәахәт Рома.
– Аԥсуа «Самсун» аарыхра шәаҟәыҵма? – аҵыхәтәан
уи адиректор диазҵааит.
– Ҳашԥаҟәыҵуеи, уи аупеи хадара змоу! – иҳәеит
Борис Дамеи-иԥа.
– Ишԥа?! — иџьеишьеит Џьозеф. — Ԥаса санаалоз,
аза­уад ашҭа сшааҭалалак иара акәын ихааӡа зыфҩы
са­ҳа­лоз! Уи еиԥш зыфҩы хааз аҭаҭын, ишысҳәахьоу
еиԥш, џьаргьы исԥыхьамшәацызт. Жәа-процентк егьырҭ
сҭаҭынқәа ианрыласҵалак, убас еиԥш агьама рнаҭауан,
сара ссигарет ыҟаны даҽа сигаретк аӡәы ихәҳауамызт.
Ус анакәха, – иажәа неигӡон Џьозеф Флеит, – избахьоу
аҭаҭын шәымамзаап. Иаабап ишәымоу зеиԥшроу, – дҩа­
гылеит. Адиректоргьы, уи ихаҭыԥуаҩ атехнолог хада Баӡ
Черқьезиагьы, Ромагьы ицны рҿынархеит. Араҟа асас­
цәа ракәым, аԥшәмацәагь ирыздыруамызт Рома ихатәы
бызшәа аҵкыс англыз бызшәа шидыруаз, аха иауирӡахуаз.
Инеит ашьҭаҵарҭаҿы. Сорт-сортла еихшаны, ҭаҭынла
иҭәуп иаарыкәыршан.
Иԥынҵала иԥсыԥ дҩаха-лахан даафҩысын, дааԥы­
шәырччеит Џьозеф: – Абыржәоуп аԥсуа «Самсун» афҩы
хааӡа иансаҳа. Уажә абра ишуаҳауа еиԥш акәын, ԥаса азауад ашҭаҿы ишуаҳауаз. Усҟан машьына заҵәык ыҟамызт
араҟа, уажә уардын заҵәык шыҟам еиԥш. Атехника...
Ахимиа – абарҭ роуп афҩы хаарақәа зегь зго.
– Ииашоуп, ақыҭанхамҩаҿ ахимиа амҽхак арҭбааит,–
Џьозеф Флеит ииҳәаз шьақәирӷәӷәеит адиректор Борис
Дамеи-иԥа, – уи абзиеи ацәгьеи еиҟарагәышьоуп.
– Ҳара ҳҿы ақыҭанхамҩа уажәшьҭа химиада има­
ҭәаӡам, амашьына бензинда акгьы ишаԥсам еиԥш.
Ҳажә­лар ари даара ихьааган ирымоуп. Уажәнатә аокеан иҭоу аӷламқәа ахимиа иннарҵәо иалагахьеит...
Уажәы шәҭаҭынқәа сшәырбеи, – иҳәан, адиректор ихы
наиқәикит. Адиректоргьы уи акәхарын дзызԥшыз, инапы нархханы акакала идирбеит актәи, аҩбатәи, ахԥатәи
асортқәа ахьышьҭаз.
– Аамҭа рацәаны ишәцәызгеит, саҭашәымҵан, апатын
адиректор, – иҳәеит аҵыхәтәан. – Уажәшьҭа сара ҭынч
сынрылаԥш-аарылаԥшуеит, шәара шәусқәа рахь шәца.
– Ишышәҭаху, ибзиоуп, – иҳәеит адиректоргьы, рус
ныжьны еицрхәхәа иахьишьҭаз уиаҟара иауиҭахыз.
Рома усгьы усуга маҭәан ишәыз, аидара шьҭыхҩцәа
дызлареиԥшымыз маҷын. Усуҩык дааидикылан, денгьқәак
неиқәырҵауашәа, иааиқәырхуашәа, аҩырақәа ирнугьы
ашәҟәы ианырҵауашәа ҟаҵо, асасцәа рҽырзааигәатәны
«аусура» иналагеит.
Џьозеф аҭаҭынқәа илаԥш нархгашәа, иара дзышьҭаз
ахԥатәи асорт ахьыҟаз днадгылеит. Ашьҭаҵарҭа абжеи­
ҳараӡа уи акәын иагьыҟаӡаз. Аденгь инапы наӷреиҵан
инапазна аҭаҭын ааӷрихит. Даҽа џьаргьы иааӷрихит. Ус
хденгьк аҭаҭын аарыӷрихын, аԥенџьыр алашараҿ инаган
цқьа дылрыхәаԥшит, дрыфҩит, дагьаалахҿыххеит.
– Џьеимс! – иԥа иахь ибжьы наиргеит, ибз иҿы
иааҭабылгьан. Џьеимс ашырҳәа иҿааихеит.
– Ҳмаца хәмарраны иҟазар, абра ихәмарит! – иҳәан,
иикыз ахь илаԥш ниаигеит.
– Акозер сԥыхьашәеит уҳәама?! – даагәырӷьан,
диазҵааит.
– Аиеи, акозерҵәҟьа!
Краамҭа урҭ аҭаҭын бӷьыцқәа еилыртто ирыхәаԥшуан.
Аҵыхәтәан ианцоз иара убри ахԥатәи асорт ахьышьҭаз
аденгьқәа кьылак аҟара аҭаҭын ргәылхны адиректор
иҿы инеит.
– Азин ҳашәҭозар абри уаха изгоит, уаҵәы хымԥада
ишәзаазгоит, – иҳәан, иԥа иикыз аҭаҭын еилаҳәара ааимихит Џьозеф. Адиректор мап ауиҳәоз, ахәҳахәҭҩы
иихәҳауа атауар цқьа игәаҭаноуп ишиҳәҳауа, насгьы ари
аԥышәа змоу хәҳахәҭҩуп!
Рома игәы хыҭ-хыҭуан, знызаҵәык урҭ нықәҵны ицандаз ҳәа.
Америкатәи ахәҳахәҭцәа шцаз еиԥш, аспециалистцәа
зегьы адиректор икабинет аҽы еизырган, аилацәажәара
мҩаԥыргеит. Урҭ аухаҵәҟьа ишьақәдыргылеит ахԥатәи асорт
ҳәа ишьҭаз аҭаҭын бжьаратәла жәаба-жәаҩа процент актәи
асорт шалоу, аҩбатәи асорт— ҩажәеибыжьба ҩажәижәаба
процент. Азауад анапхгаҩцәеи, асорт шьақәзыргылоз
аспециалистцәеи ҿымҭӡакәа инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшит.
Рома иааигәалашәеит аҭаҭын асорт гәазҭози абри­
гадирцәеи есымшатәи реимак.
– Аа, иубома, ари – актәи асорт,– ари – аҩбатәи, аха урҭ
маҷуп, аиҳарак ахԥатәи асорт ауп, – рҳәон дара. – Уҭаҭын
ахԥатәи асорт ҳәа идәықәсҵоит. Мап уҳәозар, шьҭахьла
ига, сорт-сортла еилыхны ишахәҭоу иаага. Уара узыҳәа
ара ҳара иаҳзеилыхуам.
Аҭаҭын азҭоз абригадиргьы, даахәыцхәыцшәа инапы
ааиҟьон шәыԥсы иамоуп иҳәарашәа.
– Абзамыҟәра иҳахьыз азы ҭынч ҳаилацәажәап, насгьы ӷәӷәалаҵәҟьа, — иҳәеит Борис Дамеи-иԥа.— Уажәы
иӡбатәуп уаҵәы асас иаҳҳәаша, иаҳҭома аҭаҭын, насгьы
иарбан иаҳҭо?
– Иаҳҭоит, ишԥа иаҳамҭо? – иҳәеит Рома. – Актәии
аҩбатәии асортқәа ииҭаху игааит.
– Сара ахԥатәи ауп исҭаху иҳәар? – диазҵааит атехнолог хада Баӡ Черқьезиа.
– Ахԥатәи иҳәар, даажьауеит ҳәа ҳалагаргьы дҳазжьа­
ӡом, – иҳәеит Рома, – еиӷьуп аиаша иаҳҳәар. Аҭаҭын цқьа
сортла еилыхны аҭыԥ иқәҳамҵаӡацт ҳәа иаҳҳәап. Актәии
аҩбатәии асортқәа абасҟак алоуп, иуҭахызар урҭ рыхә
еихыҳасабланы ига, иуҭахымзар еилаҳхаанӡа уаҳԥеиԥшы
ҳҳәап.
Ари азҵаара кыр еимактәхан, аха аҵыхәтәан Рома
ииҳәаз аҿы ишьақәибаргылт.
Адырҩаҽны шьыжьнаҵы таксила ажыжәҳәа иаакылсит
Џьозеф Флеит иԥеи иареи.
– Апатын адиректор, уҭаҭын бӷьыцк агымкәа иузаазгеит, – иҳәеит Џьозеф, аԥсшәақәа анааибырҳәа, иԥа иикыз
аилаҳәара имхуа.– Абри ахԥатәи асорт ҳәа ишәымоу зегь
сара исхәҳауеит, – аҳәара дахыццакуа, инациҵеит.
– Ахԥатәи макьана аҭира иазырхиам, – иҳәан, уажә­
раанӡа еибырҳәахьаз иеиҳәеит Борис Дамеи-иԥа.
Џьозеф ишицәымыӷхаз удырратә, еразнакы иҿаԥшылара
аҽааиҭанакит. Уажәы уи ицламҳәа ҟьаҟьа еиҳагьы ирчын,
илацәақәа ҭакнаҳаӡа даацәыҵԥшит адиректор иахь.
– Иацы ус шәымҳәаӡазтеи, – иҳәеит англыз бызшәала.
Џьозеф ииҳәаз Рома еиликааит, аха адиректор иауеиликаауаз.
– Иуҳәаз сзеилымкааит, – иҳәеит уи урысбызшәала.
Џьозеф ҿымҭӡакәа, илаԥш нархиган, еимгеимцарак
аҟара Рома дизыԥшуа даагылеит. Уи уажә ихы-иҿы
иаҳәон игәы иҭаз, «Акозыр шаҳкыз аӡәыр иҳаҵидыраазар,
хымԥада абри иакәхоит». Нас адиректор днаизԥшын,
– Абзиараз, апатын адиректор! Сара исхәҳауа аҭаҭын
шәара ишәымаӡам, – иҳәан, днахынҳәит, уаҳа ирхаангьы
ԥсышәак иамҳәакәа, нас иԥа иахь даахьаҳәын, – Сажәит,
аха ари аҩыза уажәада исмыхьцт, – анахьгьы арахьгьы
ишеилибакааз дирдырырц ҿааиҭит зегьы ираҳартә.
Ашҭа агәҭаны иааҭгылан, ҳамҭакы еицәажәуан аби
аԥеи. Нас иаахынҳәын, адиректор иҟны инеит.
– Ҳгәы нханы ҳцаҵәҟьо џьышәымшьааит!, – иҳәеит
Џьозеф, дааччашәа ҟаиҵан. – Ҳанаах, нап ҭацәы ҳцаӡом,
иааӡбеит аҩбатәи асорҭ аагарц.
Абасала урҭ аҵыхәтәан еиқәышаҳаҭхеит...
Минуҭқәак рышьҭахь Џьозеф ихынирҳәыз аҭаҭын
рымҵаҵан иахәаԥшуан. Уи кыр еилырхны ишыҟазгьы,
иумбарц залшомызт сорҭ-сорҭла еихшаны ишыҟаз,
реиҳарак актәи аҩбатәи асортқәа ракәын иҟаз. Иара
аҩбатәи асорҭ иргазгьы, актәигьы маҷымкәа иалан.
– Уи бзиоуп, аха абри англыз бызшәа уара иабоуҵа?!
– иџьашьаны диазҵааит адиректор. – Уара уи ахьуды208

руаз, уара уакәым, ҳаргьы ҳабла хнатит. Зегь реиҳагьы
бзамыҟәс ҳаԥхьаӡаны, даҳхыччаны дцон.
Ари ахҭыс азауад аҿы мацәыс еимҟьаран зегьы
ирылаҵәеит. Рома еразнак иаҳаҭыр шьҭнахт, хаҭала
дыззымдыруаз аусуцәа ааины дырдыруан, иҭабуп ҳәа
иарҳәон. Азауад аҿы акәым, ари ахҭыс араион анапхгареи аминистрреи рҿынӡагьы инаӡеит. Ашьыжь азауад
ашҭа данааҭалалак иидыруазгьы изымдыруазгьы зегь
хырхәаны аԥсшәа иарҳәон. Иԥхеишьон урҭқәа зегьы.
Знык скомандировка аҿҳәара нҵәандаз ҳәа акәын
дшыҟаз. Абар уигьы ҩымш ракәын иагыз.
Убри аҽны ашьыбжьышьҭахь Рома азауад ашҭа
данааҭала, дыԥшызар, аусуцәа еидгәыԥланы игылоуп, аӡәы агазеҭ даԥхьоит, егьырҭ икәшаны игылоуп.
Рома дшырбаз еиԥш зегьы аӷзаа ааилдыргеит. Агазеҭ
иаԥхьозгьы дааҭгылан инапы иҟьеит, арахь уааи ҳәа.
Рома иааџьеишьеит иҟалаз изымдыруа. Абри аамҭаз
адиректоргьы атехнолог хадагьы машьынала ашҭа
иааҭалеит. Рома урҭ даарзыԥшын, амашьына ианааҭыҵ,
еицны агазеҭ иаԥхьоз рахь рҿынархеит, устәи акәын
изларымҩазгьы. Урҭ ргәы иахәан акы ишаԥхьоз удырратә,
ианырзааигәаха, зегь еиццәажәан акы рҳәеит, аха ирҳәаз
уаҩы изеилымкааит.
– Иҟалаз еилаҳкаартә ишәҳәеи! – данаарыдгыла,
инарыдиҵеит Борис Дамеи-иԥа.
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Абду Ажьгьери - 12
  • Части
  • Абду Ажьгьери - 01
    Общее количество слов 3433
    Общее количество уникальных слов составляет 2265
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 02
    Общее количество слов 3518
    Общее количество уникальных слов составляет 2188
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 03
    Общее количество слов 3428
    Общее количество уникальных слов составляет 2142
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 04
    Общее количество слов 3447
    Общее количество уникальных слов составляет 2120
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 05
    Общее количество слов 3426
    Общее количество уникальных слов составляет 2221
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 06
    Общее количество слов 3412
    Общее количество уникальных слов составляет 2259
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 07
    Общее количество слов 3448
    Общее количество уникальных слов составляет 2103
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 08
    Общее количество слов 3459
    Общее количество уникальных слов составляет 2186
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 09
    Общее количество слов 3389
    Общее количество уникальных слов составляет 2126
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 10
    Общее количество слов 3407
    Общее количество уникальных слов составляет 2133
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 11
    Общее количество слов 3409
    Общее количество уникальных слов составляет 2077
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 12
    Общее количество слов 3373
    Общее количество уникальных слов составляет 2304
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 13
    Общее количество слов 3429
    Общее количество уникальных слов составляет 2166
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 14
    Общее количество слов 3376
    Общее количество уникальных слов составляет 2211
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 15
    Общее количество слов 3317
    Общее количество уникальных слов составляет 2145
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 16
    Общее количество слов 3385
    Общее количество уникальных слов составляет 2256
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 17
    Общее количество слов 3396
    Общее количество уникальных слов составляет 2205
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абду Ажьгьери - 18
    Общее количество слов 1440
    Общее количество уникальных слов составляет 1004
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов