Latin

Абахә - 1

Общее количество слов 3128
Общее количество уникальных слов составляет 2135
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
Иура Пкьын

АБАХӘ
Ажәеинраалақәа, апоема,
абалладақәа, алегенда

Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
АҞӘА 2015

Лахьынҵа лаша зцу апоет
Ԥкьын, И. Т.
Ԥ 67 АБАХӘ. Ажәеинраалақәа, апоема,
абалладақәа, алегенда.
Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа. Аҟәа, 2015. – 112 д .

Иура Ԥкьын ишәҟә ҿыц еиднакылоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз еиуеиԥшым
аҩымҭақәа.

© Ԥкьын, И. Ҭ., 2015
© Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, 2015

Апоет Иура Ԥкьын, аӡиас ҵауылеиԥш, ихы раӡа,
иԥсы раӡа, аханатә ишиҟазшьоу еиԥш, ажәа сахьарк
дахӡыӡо амаҵ иуеит. Иара, уи ажәагьы, зыгәра агаз апоет игәы дамыргакәа, аԥсы алагаҩагарҭа дҭанарԥшит,
уаҳа днаԥырамшәартә «даҳәынҷеит». Убри азоуп уи
ипоезиа есымшагьы изацу агәнаалара, аласра-ҵауылара.
Дкомпозиторымзаргьы, иажәеинраалақәа ирыԥхьаз иаразнак ашәахь ииазгандаз ҳәа агәаҳәара ирҭоит. Ари
апоет ихатә ҟазшьа, иажәартәашьа, ицәаҳәартәашьа, ихатә
дунеи, илаԥшҳәаа рбеиара ауп изыбзоуроу.
Иура Ԥкьын, егьырҭ ишәҟәқәа рҟны еиԥш, ари аизга ҿыц
аҟынгьы ажәеинраалақәа рдунеи мацара иҽҭамгӡакәа,
илаԥшҳәааи итематикеи иҵегьы еиҵихит. Араҟа аԥхьаҩ
иԥылоит апоема, абалладақәа, алегенда.
Апоема ажанр зҽазызымшәацыз апоет ари ишәҟәы
иагәылаиҵаз ипоема кьаҿ «Аԥсынтәыла» аҟны, ус хыхьхыхьла, ибаҩхатәра инаҭаз алшарақәа ахархәара рзуны
ҩымҭак аԥҵара хықәкыс иҟамҵакәа, ҿыц блала дагәылаԥшыхт Аԥсны аҭоурых. Иаҳҳәаргьы иааӡаргьы, ҳаӷацәа иаҳзырухьаз арыцҳарақәа азмырхакәа, ҳара ҳхала ҳхы
ҳаназынха, иҳацәтәымны иҳалаҳгалаз аҭоурыхтә хҭысгьы
асақәа аҵәаԥшь иарганы, мчыла ирԥшӡаны ицәыримгеит,

иааимырԥшит. Ахааназы нхьаԥш-аахьаԥшрак зламыз,
аԥсуаҵасла, аиаша шиашоу арҵабыргра еснагь ҟазшьас
измаз апоет араҟагьы жәларык ргәыхь хәырбӷьыцк
нақәиҵеит, уаҵәы имжьыжькха иҟамларц азы.
Уамашәа аинтерес рыҵоуп ари ашәҟәы иагәылоу
ажәытәӡатәи аҭоурыхтә хҭысқәа шьаҭас измоу абалладақәа
«Аҩсҭаа царкьы», «Арбаӷь ныҳәара».
Аӡиа Риҵа иахҳәаау алегендақәа хыԥхьаӡарала ирацәамзаргьы иҳаҳахьеит, акьыԥхь збахьоу ҳрыԥхьахьеит.
Аха ари ашәҟәы иагәылоу алегенда «Риҵа» уаанӡа
иаадыруаз иреиԥшӡам. Араҟа апоет иаҳахьаз алегенда
убриаҟара аԥсы ахаиҵеит, ашьхаҭыԥхьыӡқәеи, аӡиасқәеи
асиужет акәшамыкәша убас еилеисеит, иац иҟалаз хҭысшәа
аԥхьаҩ илаҿ иааигеит, алогикатә шьаҭақәа рыҭаны.
Ажәакала, аԥсуа литература, апоезиа абзиабаҩцәа
рахь деиҭамҩахыҵит абаҩхатәра лаша змоу, ашьха ҳауа
цқьеиԥш изҩыдоу аԥҵамҭақәа рыла апоет Иура Ԥкьын.
Енвер Ажьиба

СУЦӘШӘАГӘЫШЬОИТ, АԤСЫНТӘЫЛА
Ҳӡиас дуӡӡақәа рыбжьара,
Ҳабжьаҟәыҟәны ҳаанхаӡеит.
Аҳ, иҳаузҭгьы лабжьарак,
Цҳак ҳазхызҵоз дҟамлаӡеит.
Дал, Ҵабал рҳәатәы еиқәымшәеит,
Рызегь ахон лада-ҩада.
Абжьыуааи Бзыԥаагьы еинымшәеит,
Дырмоугәышьеит ахада.
Хазы иахеит наҟ асаӡқәа,
Ишзымцоз рзымдырит хара.
Закәытә дгьылқәоузеи иаҳцәыӡқәа,
Ҳзеидымгылт азын ҳара.
Ҳашьцәа гәакьақәа аубыхқәа,
Рхала егьшрылымшоз рымбеит.
Ауаа гәымшәақәа еиқәныхқәа,
Ртәылаҿ иҟамкәа инкабеит.
Имӷьо ҳахәрақәа ируакуп,
Амҳаџьырра ҳзықәныршәаз.
Шәзыхынҳәгәышьозар иҳақуп,
Даҳзымгәааӡазар ҳазшаз.

Икыдҵан рыҩнашәқәа мҳаџьырра иагазшәа,
Рашҭақәа кажьны иқәҵит џьоукы.
Рӡыхьқәа ҭабазшәа, рханқәа хыбгазшәа,
Уа еибаҟәаҟәоит аҷан еимакы.

Аимак-аиҿак ыҟагәышьоуп
Аԥсынтәыла иахьагьы.
Џьоукы аимҵәара иаҿгәышьоуп,
Амал иақәрҵоит рыԥсгьы.

Аԥсуара абаҟоу, кҿаҩрак икҿарыжьит,
Алақәа ҭырхит, ихҵәоуп анапқәа.
Рбаҳчақәа еинылеит, рымхурсҭақәа еиурыжьит,
Абгақәа ирҭыԥхеит иқәҵыз рҩнқәа.

Иахан ҳадгьылқәа рҭигәышьоит,
«Рџьыпқәа» ирықәтәа иԥырларц.
Хьаак умоуп угәынқьгәышьоит,
Иаҿуп ухәрақәа дмырӷьарц.

Аԥсуароуп аԥсуаа хыхьчагас иҳамаз,
Аԥсуароуп аԥсуаа ҳмырӡкәа ҳаазгоз.
Аԥсуара еилазгаз имҩа шәаҳаназ,
Аԥсуара инышәомызт хьымӡӷы азыргоз.

Аԥсынтәыла, иучҳагәышьоит,
Уааиуеит ус уҽырӷәӷәаны.
Сгәы уҭагәышьоуп, суцәшәагәышьоит,
Уҟаларушь уԥсеивганы?...

Аԥсуара шьҭазҵо кыр ихьанҭоуп ҳәа,
Уҷкәынцәа ирылҵраны иҟоу уазхәыц.
Изхәарҭагәышьеи агәаҟ уԥсы ҭоуп ҳәа,
Уабацәа рымҩа уара уананыҵ.

АԤСУАРА
Аԥсуара изныҟәгома, заԥсуара зцәыӡыз,
Атәым иахьынҳалаз, иззымҳәо збызшәа.
Зыламыс иаӷраԥалаз, зҵасқәа казыжьыз,
Ирԥеиԥшу иазхәыцуам, избоит уамашәа.
АСАРКЬАЛ АБЖЬЫ
Блабырхәа ақыҭан иргылоуп х-абеиԥарак
рҭоурых зҳәо абаҟа, зыгәҭаҿы асаркьал хшьуа.

Ихәныган ԥшыхәраҳәа идыртәазшәа,
Ишьҭоуп сқыҭа ахәқәа рҿы.
Ҳашьха дуқәагьы шанхазшәа,
Иԥшуеит ирхалашо рхы-рҿы.

Инцәыҵарххо ирхысхысуа,
Иалахәмаруан рыԥсаҭа.

Шаҟа хьааи-гәырҩеи рҭысхьеи
Сқыҭа хәыҷы адақәа.
Ех, шаҟантә иахамацәысхьеи,
Амца рыцрарҵахьеи ахәқәа.

Шаҟаҩы аибашьра иннарҵәазеи,
Аҳәынҭқарра ду ахаан.
Шаҟаҩы рыԥсҭазаара ҿахҵәазеи,
Игьежьуам дунеи ахаан.

Ақәылаҩцәа аҳацҳа иқәсуан,
Аӡәгьы дшәомызт иандыды.
Аҟәҟәаҟәаҳәа еиҿахысуан,
Ихәышә ҳахьчон Џьамарды.*

Ҳарблырц ақырҭқәа анҳақәла,
Мышқәак рыла ҳандырҵәарц.
Иузныҟәеит усҟан ҳақла,
Уҵеицәа гылеит урыхьчарц.

Лакобеи Сталини иртәарҭан,
Иаргәырӷьон асас ибара.
Иҟалап ҳәа рразҟы шәарҭан,
Аӡәгьы дгәыӷуамызт ара.
Иргагәышьеит ҳбыргцәа нҳалган,
Ҩажәеи жәибыжь шықәсазы.
Анџьаԥариӡеи**ишҳам алан,
Ари ақыҭа мҿиаразы.
Џьоукы рахәҵас ирхан иаарысуа,
Иршьуан ирҿыжуа Абааҭа.
*Џьамарды Барцыц – инапала ашәақь хәшәы ҟаиҵон.
**Анџьаԥариӡе Сосо – Ашәарҭадаратә маҵзура аус ҭҵааҩы, Қарҭынтә
даашьҭын.

Дара роуми ҳаԥсы ҿызхыз,
Ршьа цқьа ами ҳаиқәзырхаз.
Аҵыс мҩас абла ҭызхуаз,
Закә рԥарцәоузеи иҭахаз.
Аҭоурыхаҿ зыӡбахә мыӡуа,
Ҳшьа кәапеила изтақәаз.
Шәыԥсқәа ҳацуп иҳацәмыӡуа,
Зыхьӡ мралашан инхаз.
Шәбаҟа гылоуп х-абеиԥарак,
Мчы ыҟаӡам шьҭа ихзырбго.
Ианыҟалах даҽа шәарак,
Асаркьал абжьы зырго.
ақ. Блабырхәа, 27.07.2008

АԤСУА ҚЫҬАҚӘА

АԤСНЫ АЗЫ АШӘА

Аԥсуа қыҭақәа, аԥсуа қыҭақәа,
Сара сгәыӷра, сцәашьы аркырҭақәа.
Аԥсуа қыҭақәа, сныха тәарҭақәа,
Аԥсуа қыҭақәа, аԥсуаа рынхарҭақәа.

Аԥсабара шәҭит еинҭәыла,
Аԥсаа рашәаҳәабжь дыргоит.
Иблахкыгоу Аԥсынтәыла,
Аԥшӡара иакны иагоит.

Сабацәа рабацәа рыбаҩқәа ахьамадоу,
Аԥсуа қыҭақәа сара сбаагәарақәа.
Сӡиасқәа шьҭхысаа иахьлеиуа ԥырхагада,
Асас изыҳәан иахьаарту агәарақәа.

Иаацәыҵаԥхоит ашьыжь сымра,
Иԥхашьаԥхаҵо ихааӡа.
Ахақәиҭра, нас, ахьԥшымра,
Сымҩа нагоуп хараӡа.

Сдәы иаҵәарақәа, сашҭа ҭбаарақәа,
Хьтәы рахәыцушәа сышьхақәа шәыкәыршоуп.
Арантә избарҭоуп сыхра ҿҟьарақәа,
Аԥсуа қыҭақәа, ох, са сшәыкәыхшоуп.

Ах, ишԥацқьоу сцыха ӡыхьқәа,
Сыҟандаз урҭ реиԥш сласӡа.
Сыԥсабара иахәшәтәуеит сгәыхьқәа,
Ашьха ҳауа ҿацаӡа.

Сара сыламыс, сбызшәа ацқьарҭа,
Сара саԥсуара, сҵас аныҟәгарҭа.
Сара сгәырӷьара, сылҩаҵә ҩеирҭа,
Сара сашәақәа, сӡыхь ахыҵхырҭа.

Иаасыкәаршан зегь гәыҭгагоуп,
Иԥсыршьагоуп зегь ара.
Ашьац татагьы блахкыгоуп,
Исызбом уи сызхара.

Аԥсуа қыҭақәа, аԥсуа қыҭақәа,
Сара сгәыӷрақәа, сцәашьы аркырҭақәа.
Аԥсуа қыҭақәа, сныха тәарҭақәа,
Аԥсуа қыҭақәа, аԥсуаа рынхарҭақәа.

Аԥсабара шәҭит еинҭәыла,
Аԥсаа рашәаҳәабжь дыргоит.
Иблахкыгоу Аԥсынтәыла,
Аԥшӡара иакны иагоит.

АУАА РҞӘЫШРА
Ашәыр зҿалом аҵла ҩазар,
Изхәарҭеи адацқәа еибгамзар.
Аӡы шыцәоу уа иубазар,
Рыцҳарами иуҳәо уҿамшәар.
Згәыла изыҳәан ажра зжызгьы,
Дҭаҳар алшоит иԥа дшавсуа.
Дрыцҳауп хымԥада иԥсызгьы,
Иҵәуашьа иақәымшәазгьы.
Амца дзалҵуам, амца хҭазкыз,
Ауаа ҟәышқәа ирҳәо иашоуп.
Ӡбашьа змам аус еимазкыз,
Ируа-ирҳәо уи зегь башоуп.
Иҟалаша аӡәгьы изахырԥом,
Ҳаҵакыуп зегь аҩсҭаа иҩыҵа.
Ҽыла Бзыԥ аӡәгьы дзахыԥом,
Уи азын ауп ацҳа зхырҵа.
Инҵәаша арахә узынкылом,
Тәыҩала еисуеит рыԥсымҭаз.
Аӡы хыҽҽара узаԥгылом,
Уналаӡуеит агәы еилашымҭаз.
Ихыжәжәарӡа игылоу аџьажә,
Ашәышықәсақәа ирҭысхьеит.
Ех, ушԥашоу адунеиажә,
Амацәыс ухамацәысхьеит.
Ауаа рҟәышра хшыҩ рҵагоуп,
Ражәаԥҟақәа баҟоуп имԥсуа.
Иқәныҟәо рзын ԥхьаҟацагоуп,
Мчыкгьы ыҟам ирыгәҭасуа.
05.08.2012

АБАХӘ
Абахә ҿаша саҿаԥшуан,
Амра шаша ахашуан.
Ҵаҟа аӡыхьқәа еилашуан,
Амца рыҵоушәа ишуан.
Абӷаб абахә иаҿаҳәуан,
Акаԥкаԥ агәы аҽанын.
Амш анааихәлас слаҳәуан,
Уарбак ажәҩанаҿ ихын.
Абахә аҿалара хьанҭоуп,
Сшьамхы иалшарушь уажәшьҭа.
Сара исхызгахьоу рацәоуп,
Ҿыц сыҷкәынхаӡом еиҭа.
Игылан ашьхақәа еиқәԥсы,
Иазыԥшымзи лассы асы.
Сааигәа дыҟаӡам уаҩԥсы,
Абахәқәа ирҿан сыԥсы.

Аԥсҭазаара иалоуп сыԥсы,
Уарада, радара раа.
СГӘЫ ААԤСАГӘЫШЬЕИТ

ИХӘМАРУЕИТ, ИХӘМАРУЕИТ АСЫ

Иааԥсагәышьеит, сгәы ааԥсагәышьеит,
Аҳақьымцәа ихәышәтәтәуп рҳәагәышьеит.
Ҽнакгьы ԥсшьараҳәа имтәагәышьеит,
Даара-даара кралшагәышьеит.

Ихәмаруеит, ихәмаруеит асы,
Ажәҩан ҳаракыра агәаҿы.
Сгәырӷьара иацлоит лассы,
Суаџьаҟ ахь иназгоит амҿы.

Шьҭак иауам ҳәа аҳәагәышьеит,
Уа цәашьҵас иара былгәышьеит.
Иацгылоз ашьыжь шара,
Ашәоуп, ашәоуп изыркара.

Ихәмаруеит, ихәмаруеит асы,
Адгьыл сызбом сызхара.
Аԥсҭазаара иалоуп сыԥсы,
Уарада, радара раа.

Агәрҩа,ахьаа иарҩагәышьеит,
Са сгәы ахәыцра иагагәышьеит.
Амца ацразҵоз урҭ абаҟоу,
Ирыздыруам уажә сызлаҟоу.

Рдәынак ҿықәҿықәуеит схаҿы,
Ишьҭалоит махәқәак асаара.
Илеиуеит асы катәаны,
Уарада, радара раа.

Нас, ба бакәзар зегьы зхароу,
Уахгьы-ҽынгьы сыԥхыӡ иалоу.
Са сгәыӷрақәа брыцҳауп, брыцҳауп,
Анцәа дбыцыз, срыцҳауп, срыцҳауп.

Ихәмаруеит, ихәмаруеит асы,
Адгьыл сызбом сызхара.

Иааԥсагәышьеит, сгәы ааԥсагәышьеит,
Аҳақьымцәа ихәышәтәтәуп рҳәагәышьеит.

Ҽнакгьы ԥсшьараҳәа имтәагәышьеит,
Даара-даара кралшагәышьеит.
САХЬИЗ СҚЫҬАХЬ
Ашаха иамҭа иҷырҷыруа,
Аԥсаа ашәа ахьҭдырҟьо.
Аԥсуа хаҵа иҽы кәаруа,
Ашьыжь ашҭа иахьыҭҟьо.
Иахьуԥыло зыхцәы мӡанроу,
Аҭыԥҳацәа еикәаԥхо.
– Ҳаигӡом асас уа узы иҳамоу,
Умҩахыҵ, – ҳәа дахьдырххо.
Схәыҷра иашҭоу, сқәыԥшра иашҭоу,
Улашырбаган сыбла ухуп.
Сахьцалакгьы ҿҭуа исышьҭоу,
Ухьӡ сгәаҵаҿ иҵәахуп.
Сара сашәа, сара сымца,
Аброуп иахьеиҿаскыз ахы.
Шаҟантәы стәахьаз сгәамҵ-хамҵуа,
Иҵегь иӷәӷәахарц ршьамхы.
Аӡиасқәа акыр срырхьеит,
Сшәаҳәон зны Нева азын.
Аха Нева са иаансыжьхьеит,
Маҳацыр*** Невоуп са сзын.
Арҩаш ҭрысқәа қәсыԥа иԥо,
Хланҵы иҭало са сырԥоуп.
Изхызымхуа ԥхынгьы зхылԥа,
Сышьха шлақәа ԥсыс исхоуп.
Сара акаршәраҿ сыузынкылом,
Сашәа ахрақәа ирҿоуп.
Адгьыл аҵан сцаргь саангылом,
Сахьиз сқыҭахь сымҩа гоуп.
ЛАҬА
Аԥша ҵәыуон, иуазыруан,
Аԥҭа рылаӷырӡ кашуан.
Имацәысуан, ажәҩан гәрымуан,
Адгьыл шанханы иԥшуан.
Ахлымӡаах ҟалазаап Лаҭа,
Ауаа абылра иаҿын.
Аӷа ахьымӡӷ иҿатата
Дгылан, дгәырӷьаҵәа дыԥшын.
***Маҳацыр – Блабырхәа ақыҭа иалсуа ӡиасуп.

Иҭахаз ирылан уаҟа,
Ахацәа, аҳәса, ахәыҷқәа.
Изымхынҳәыз урҭ зыҩныҟа,
Ажәҩан иалахаз зыԥсқәа.

Ԥсаатәи шәарахи ԥсы зхоу зегь нҵәозаап,
Ашоура иазымблыз ахьҭа иагозаап.
Ҳадгьыл ҭыԥҳа-ԥшӡа уи хәашхәашозаап,
Наӡаӡа ихәлозаап, уаҳа имшозаап.

Хәыцра хьанҭақәак насхалан,
Ицеит сара сгәы нҭыԥсаа.
Иҭахаз зегь рыԥсқәа рхалан,
Лаҭа иахаԥыруан аԥсаа.

Ишԥа, нас, ҳҭахарцу ԥсҭазаара ҳамҭа,
Ихасҵаӡом Маиаа инрыжьыз аҳәамҭа.
Уаҳа имгылаӡо ҳамра ҭашәарцу,
Ҳҵара уаа ишырҳәо еиԥш ҳа ҳанҵәаӡарцу?!
Мап, ихасҵаӡом маиаа рҳәамҭа,
Ауаатәыҩса еиқәхароуп – адгьыл аҳамҭа.

Аԥша ҵәыуон, иуазыруан,
Аԥҭа рылаӷырӡ кашуан.
Имацәысуан, ажәҩан гәрымуан,
Адгьыл шанханы иԥшуан.
ИХАСҴАӠОМ МАИАА РҲӘАМҬА
Ахагацәа реиԥш абнара сылоуп,
Издыруада сԥеиԥш, хәыцрақәак срылоуп.
Адгьыл ааныжь амза наскьозаап,
Арха еиужьқәа наӡаӡа иҟамлозаап.
Аԥсҭазаара ссир аҵыхәтәа ԥҵәозаап,
Иеиӷьын сымир, амитә ҟалозаап.
Ҳаӡқәа ҭабозаап, ҳашьхақәа бгозаап
Ҳаҩнқәа хырбгалан аԥшатлакә иагозаап.
17.09.2012

СЛАХЬЫНҴА САЗԤШУП
Исызшәаҳәом уажәы сшыҟоу,
Сымшқәа даара ихьанҭоуп.
Сцәеи-сжьи роуп араҟа иҟоу,
Сыԥсы ахьыҟоу Аԥсынроуп.
Са сышьҭоуп ара сеилаххаа,
Амра аҽаҵәахт иԥхаӡом.
Аԥсынтәылеиԥш амшқәа каххаа,
Уажә араҟа избаӡом.
Иаалырҟьаны ԥша цәгьак асын,
Сымҩа ашәаҳарц иаҿуп.
Иццакцәаны саамҭа мҩасын,
Са сызхьымӡаз рацәаӡоуп.
Сышьҭагәышьоуп ахәышәтәырҭаҿ,
Аԥсцәаҳа иблақәа сҭаԥшуа.
Дашьҭоуп уи иҽкаршәны скырҭа,
Агәараҳәа деилашуа.
Адәахьыҟа лаҳәак ҟыруеит,
Жьабаак иашьҭазар ҟалап.
Имариамыз сымшқәа сныруеит,
Иҟасҵарызеи исычҳап.
Уа ҳәыҳәқәакгьы сзықәшәаз раҳазшәа,
Схышәаҿ иқәтәан сырџьабоит.
Сыԥсы ргарц азыҳәан иаазшәа,
Аашаанӡа сырҷаԥшьоит.
Сымшқәа цоит ԥҭаҵас еишьҭала,
Схьаақәа сгәыаҵаҿ иҭашуп.
Сызхьымӡаз хәыцраха исхалан,
Сгәаҟуа слахьынҵа сазԥшуп.

АԤСЫНТӘЫЛОУП ХЬААС ИСЫМОУ
Аԥсынтәылоуп хьаас исымоу,
Аԥсуаа ҳҳәатәы еиқәшәарушь?!
Аимак-аиҿак иахьа иҳамоу,
Мышкы зны иӡбахарушь?!
Ҳабацәа имырӡкәа иҳарҭаз,
Ҳбызшәа хаа еиқәхарушь?!
Иаламӡызар аамҭа аншәарҭаз,
Ииуа аҿар ирҳәаларушь?!
Ҳашьха дуқәа ажәҩан иалоу,
Ус ишыҟоу иаанхарушь.
Ҳарҩаш ԥагьақәа ргәы иалоу,
Мышкы зны еилкаахарушь.
Амҳаџьыраа амшын ихыҵны,
Рыԥсадгьыл ахь зегь хынҳәрушь.
Саргьы абра ахәшәтәырҭа сҭыҵны
Еиҭах Аԥсны аблақәа сҭаԥшрушь.
30.10.201, ақ. Москва

20.10.2013, ақ. Москва

АХЬӠЫНҨЫЛАРАҚӘА
Ашәақәа ишәзыскыз сшьала ирԥхоуп,
Уа цәаҳәақәакгьы лаӷырӡыла икәабоуп.
Сгәы арахәыцқәа шәыԥсы цқьа рхоуп,
Сгәырӷьареи схьаақәеи еилаҵәан еилоуп.
МРАҴАС УХЬӠ ҲАРԥХАЛАП
Аԥсны раԥхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба
игәалашәара иазкны

Узрылсуамызт ажәлар еизаз,
Лаӷырӡыла уркәабон.
Еилагылан иац узԥызаз,
Рхы рыкәаҽ урџьабон.
Адгьыл ҵәыуон, ажәҩан ҵәыуон,
Ас еиԥш амбацызт Аԥсны.
Агара игароугьы иныруан
Ҳшамоу рыцҳарак ҳхәаҽны.
Узқәаҭыԥ ҟоуҵеит Ешыра,
Иахьымҩасыз ухәыҷра.
Иахьалугаз амца шыра,
Узҿынҵәаауаз Аԥсынра.
Уа уҵаҟа агәы еибафо,
Гәымсҭа леилап ишьқьыруа.
Иуцрымҵуа хьаак уанафо,
Уа ухәрақәа ҿыӡәӡәаауа.
Ҳашьха дуқәа рхы шьҭкәыцәаа,
Уара уҭынчра рыхьчалап.
Гәымсҭа аҩхаақәа еиҿыцәаа,
Ухаҵара ашәақәа рҳәалап.
Ԥшацәгьак ҳажәларц ихынҳәыргьы,
Уара уҟәышра ҳаиқәнархап.
Амра аԥҭақәа ирҵәахыргьы,
Мраҵас ухьӡ ҳарԥхалап.
НАН, СЫҶКӘЫНЦӘА, ШӘЫМЦЦАКЫН
Аԥсуа патриот ду, аҵарауаҩ
Ҭамара Платон-иԥҳа Шьаҟрыл илызкуп

Ҽеиԥсра смоуит схы нықәҵаны,
Нан, сыҷкәынцәа, шәааӡырҩы.
Ҵәҟьарас сҟарҵарц са скыдҵаны,
Иақәркхьазеи шаҟаҩы.
Исылшоз ҟасҵеит, имаҷзаргьы,
Сыԥсадгьылаз сықәԥаҩын.
Џьоукы рычҳара хыҵзаргьы,
Нан, сыҷкәынцәа, шәымццакын.
Ҩысҭаак дҳабжьалт дцәыршәагаха,
Аҩсҭаа илымҳақәа џьгәатәуп.
Џьнышкгьы дҳалалт дхагаха,
Аџьныш иблақәа ҭыблаатәуп.
Аҭыԥазын инибарҵәоит,
Џьоукы лашәхеит, акы рбаӡом.
Еибашьуеит, ихибарҵәоит,
Аҟәыш ииҳәо раҳаӡом.
Сцаӡом харак нашәыдҵаны,,
Шәсымам цәымӷс сыԥсра азын.
Исзыхьчазар схы нақәҵаны,
Сҭахазар, нас, Аԥсны азын.
Исылшоз ҟасҵеит имаҷзаргьы,
Сыԥсадгьылаз сықәԥаҩын.
Џьоукы рычҳара хыҵзаргьы,
Нан, сыҷкәынцәа, шәымццакын.
26.12.2005, ақ. Гәдоуҭа

ШӘЫԤСҚӘА СЫЦУП САХЬЦАЛАКГЬЫ
С. П. Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭа араион музеи 15 ш.
ахыҵра иазкны

Шәыԥсқәа сыцуп сахьцалакгьы,
Сшәымҵахырхәоит сшьамхқәа нарс.
Шәыӡбахә нараҳәо сзықәшәалакгьы,
Адәы сықәуп ҳаӷа ицас.
Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла,
Шәа шәазымгылеи хьчаҩцәас.
Амца шыра шәалагыла,
ԥхьаҟа шәнеиуан хаҵаҵас.
Аӷа дҭашәҵеит деилаҟәаҟәа,
Шәырҿагыланы ахқәа.
Уама ықәзхыз зҟәаҟәа,
Еиқәзырхаз ҳара ҳаԥсқәа.
Шәыхәрабӷьыцуп Аԥсынтәылаз,
Цәашьҵас ҳгәаҵаҿы шәакуп.
Аԥсра иацәымшәакәа иаԥылаз,
Шәыхьыӡ зегьы ирҿакуп.
Ара иавсуа маҷк уааҭгыла,
Иԥшьоу ҭыԥуп ари аҩны.

Иара кәабоуп лаӷырӡыла,
Игылоуп алахь еиқәҵаны.
Шәыԥсқәа сыцуп сахьцалакгьы,
Сшәымҵахырхәоит сшьамхқәа нарс.
Шәыӡбахә нараҳәо сзықәшәалакгьы,
Адәы сықәуп шәаџьҳәаҩҵас.
ҲАԤСЫ АРАХӘЫЦ ИАНАКЫЗ
Аԥсны ахьчара зхы ақәызҵаз аурыс
поет А. Бардадым изкны

Агәыргәырҳәа иандыды,
Ҳашьхақәа гәырҩо ианԥшыз.
Даҳзааит Саша Бардадым,
Ҳаԥсы арахәыц ианакыз.
Даҳзааит иашьцәа ихьчаразы,
Аԥсуаа ҳахәрақәа ихәшәтәразы.
Уаҵәтәи ҳамш ҳразҟы азы,
Изымҳәац иашәа иҳәаразы.
Усҟан аԥҭақәа еиқәаҵәан,
Ашьхақәа рлакыҵа ҵшәаан.
Уи аамҭа аамҭақәа иреицәан,
Ас ҟамлацызт ҳара ҳхаан.
Ибылуан аҿҿаҳәа аҩнқәа,
Амца рҿалашон ахәқәа.
Иаҳхаԥыруан иҭахаз рыԥсқәа,
Иԥыжәжәон анацәа рыгәқәа.
Агәыргәырҳәа иандыды,
Ҳашьхақәа гәырҩо ианԥшыз.
Даҳзааит Саша Бардадым,
Ҳаԥсы арахәыц ианакыз.
УА, УХЬШЬЫЦБАН, УФЫРХАҴАН!
Аԥсны афырхаҵа, аԥырҩы Лиониа Ԥкьын изкуп

Уа ухьшьыцбан, уфырхаҵан,
Уабацәа ргәы узҭан.
Агәаӷ еилашуан угәаҵан,
Аԥсны ашьаура уазхиан.
Ажәҩан дгьылын уара узыҳәан,
Ԥсаатәҵас акәын ушԥыруаз.
Ухьаҵуамызт ак азыҳәан,
Уреиуан ҳхьаақәа зыхәшәтәуаз.
Аԥсынтәыла алҩа хчылан,
Уа иаҿгәышьан абылра.
Ажәҩан акәзар аԥҭа хылан,
Ҳҵеицәа аҿын аҭахара.

Сазынужьит адгьыл кьакьа,
Ахәра имӷьо сынҵаны.

Иҟаларц азын еинҭәыла,
Ҳадгьыл ԥшӡа аӷа ицас.
Ухы ақәуҵеит утәыла,
Умшәаӡакәа хаҵаҵас.

Уаргьы саргьы ҳаԥсы еихәламзи,
Уахгьы ҽынгьы ҳа ҳаицын.
Аҩсҭаа дҳалахәмарт ихәламзи,
Маӡала дтәаны дыԥшын.

Ргәы ҭрысны иҵысышам,
Игылоуп ашьхақәа еиқәыԥсы.
Ауарбақәагьы лаҟәышам,
Ишьҭырхуеит ажәҩанахь уԥсы.
Уа, ухьшьыцбан, уфырхаҵан,
Уабацәа ргәы узҭан.
Агәаӷ еилашуан угәаҵан,
Аԥсны ашьаура уазхиан.
СҨЫЗА ГӘАКЬА
Ацикл
Гәдоуҭа араион еизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс
14 ш. аус зухьаз, «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи
аҩаӡара занашьаз, сҩыза гәакьа Мықәба Валери
Иаков-иԥеи сареи ҳшеицыз машәырла дҭахеит

Уаҳа уҟам сҩыза гәакьа,
Уцеит амца сыцраҵаны.
Уара угәыразра зумыхәеи,
Иухәҭамызт ас аԥсра.
Аԥсцәаҳа ушьа дзаҿыхәеи,
Изыҟамлозеи изхара.
Сара сзыҳәан уара уԥызан,
Уажәеи ууси еимадан.
Уара аӷба усзаҩызан,
Уара иуҵаԥҽуаз рацәан.
Уара аԥсуара мҩаԥугон,
Уаман аламыс хьчаҩыс.
Угәы иаҵаҵәах иноугон,
Иухан ҳабызшәагьы ԥсыс.
Уара уԥсҭазаара ҿырԥшыган,
Уи зегь иашала еибаркын.
Пату уқәҵаны умҩаԥыган,
Узлыҵыз ухьӡ рҿакын.
Рылаӷырӡ каҭәон ирҩашны,
Иԥжәон игылаз зегь рыгәқәа.
Амҩа излацоз ахаршҭны,
Мҷышь рҭыҵит аҳәаақәа.

Зны-зынла Гәдоуҭа санлеиуа,
Сгәыӷуеит џьара узбарашәа.
Срыхәаԥшуеит сыла ҭраа инеиуа,
Уӡбахә аӡәы иҳәарашәа.

Уаҳа уҟам сҩыза гәакьа,
Уцеит амца сыцраҵаны.
Сазынужьит адгьыл кьакьа,
Ахәра имӷьо сынҵаны.

Зегьы-зегь рҽырԥсахт араҟа,
Срымбацшәа исывсуеит џьоукгьы.
Ҳацхыраара иаҳәоз игәаҟуа,
Сыбла ихыҵуам уажәгьы.

13.10.2010

Улымкаа ашара саԥылоит,
Сазыӡырҩуеит аԥсаа рыбжьы.
Улымкаа амҩа санылоит,
Снылалоит аӡаӡа шьыжьы.

УЛЫМКАА
Улымкаа ашара саԥылоит,
Сазыӡырҩуеит аԥсаа рыбжьы.
Улымкаа амҩа санылоит,
Снылалоит аӡаӡа шьыжьы.

29.12.2012

УААИРА САЗЫԤШУП

Амшқәа схызгоит сгәаҭеиуа,
Аҵхқәа ауцәоуп сара сзын.
Асы мыжда кыдҳан ианлеиуа,
Сааигәара утәазар сҭахын.

Сыстол иқәуп ажәеинраалак зҩын,
Унартәаны сузаԥхьарц сҭахын.
Уажәы-уашьҭан уааирашәа сыԥшуп,
Гәырҩа хьанҭак сгәаҵа иҭашуп.

Саҭаалоит унхара еихаҳа,
Уи уажә еиҳагьы иԥшӡахеит.
Сабацари, исылшаӡом уаҳа,
Улымкаа уҭаца дызбеит.

Сузаԥхьалон изыҩуаз зегьы,
Иуцәысҵәахуа сымаӡамзт акгьы.
Ӡыхьҵас ажәа рҭысуан удақәа,
Еибарԥшаауан усҟан ҳагәқәа.

Умшьҭа бзиан, иразын угәгьы,
Ицқьагәышьан зегь рзын уԥсгьы.
Уажә уабаҟоу сҩыза узбаӡом,
Уажә уабаҟоу сҩыза усызхаӡом.
Уа иаанымхеи сымҩа ҿахҵәаны,
Сананхала амҩа ҵхагәаны.
Уажә сзықәгылоу амахәқәа иҩоуп,
Уда исхызго сымышқәа гәырҩоуп.
Сыстол иқәуп ажәеинраалак зҩын,
Унартәаны сузаԥхьарц сҭахын.
Уажәы-уашьҭан уааирашәа сыԥшуп,
Гәырҩа хьанҭак сгәаҵа иҭашуп.
31.12.2012

ЗЫҴӘҨАНШЬАП ЗМЫРӠЫЗ
Еицырдыруа аԥсуа композитор Руслан Агәмаа
Ҳџьынџьтәылатәи еибашьра ду аан ҩыџьа иҷкәынцәа
ҭахеит, аха игәы камыжькәа, иҵәҩаншьапы мыӡырц
азыҳәа ҿыц аҭаацәара далалеит, иахьа уи ҩыџьа
аҷкәынцәа драбуп

Ажәҩан гәрымуан,адгьыл ҵәуан,
Аԥсабара ашәы ашәын.
Аӡқәа леиуан ихышхыҵәан,
Лаӷырӡыла аҩнқәа ҭәын.
Иҭахон иреиӷьыз ҳҵеицәа,
Аԥсҭҳәа шәеиқәаҵәан ихын.
Ԥхьаҟа ицон агәымшәа ӷьеиҩцәа,
Хыла ҳашьхақәагьы хәын.
Иааргон аԥсыбаҩқәа еишьҭаргыла,
Аԥсадгьылаз иҭахон.
Акәубақәа еиваргыла,
Лаӷырӡыла иркәабон.
Иақәшәауамызт ирҳәо-ируа,
Хәыҷгьы-дугьы рыгәқәа ԥжәон.
Хыԥсҭа мыждагьы уазыруа,
Лбаа архахь иццакуан.
– Иԥсыхәоузеи аб хәашабга,
Иҵәҩан шьапы акит, – рҳәон.
Аҽны шьыбжьон дырфеит абга,
Изаҳаз зегь ргәқәа ԥжәон.
Ахра иаҿаз акәасабгьы,
Ааҭгыланы игәырҩон.
Адауаԥшь иаҩызаз абгьы,
Ихьаа аҵлақәа арҩон.
Ус гәырҩала ихигон иаамҭа,
Аамҭа ахәрақәа зырӷьо.
Даргәаҭеиуан ԥсгаха имҭа,
Ашҭа дықәын уи даӷьуа.
Илгәаӷьызеи аԥшәма ԥҳәысгьы,
Ҩыџьа зыҷкәынцәа ҭахаз.
Ох, илымагәышьааз гәысгьы,
Уҵәҩаншьапы умырӡын зҳәаз.
Ус иагьыҟаиҵеит ахаҵа,
Иаԥиҵеит аҭаацәара ҿыц.
Егьа ихәызаргьы игәаҵа,
Ихьаақәа мцазаргьы инеихыҵ.
Иит араҟа ҩыџьа ахацәа,
Ихьӡырҳәаганы иҟаларц.
Ҩыџьа ахацәа, ҩыџьа изхацәаз,
Ргәараҭа еиқәдырхарц.
Аб изыҳәан ааԥын ҿыхан,
Аԥсаа цәырҵны иаашәаҳәеит.
Еиҭах ашәа ҿыцқәа ихан,
Ааԥын баҳчахьы дыргеит.
Гәыӷра дуӡӡакгьы дыхнахын,
«Радеда» ашәагьы иҩит.
Ааԥын мҵыжәҩада дышьҭнахын,
Ажәҩан ашҟагьы дҩаԥшит.
Дреиуп уи згәы казмыжьыз,
Иасны еимызыцҟьааз ацәқәырԥа.
Зхала згәыӷрақәа инармыжьыз,
Изхашәыршәырыз зыхҭырԥа.
Ари лакәӡам сызлацәажәо,
Агәыӷроуп амра казырԥхо.
Агәыӷра ауп ауаҩы дзымражәуа,
Аԥсҭазаара еиқәзырхо.
27.05.2014, Блабырхәа

СЫЖӘГА АҨНЫҞА
Гәыԥҩык Гәдоуҭа араион администрациа ахада иха­
ҭыԥ­уаҩ Ҷанба Л. В. ҳицны ҳцон Аҟәаҟа «Аԥсны – 67»
ашәақәа рдиск Москва аҭыҵра иазкыз аӡыргарахь. Амҩан
амашәыр бааԥс иҟалаз иахҟьаны Ҷанба Л. В. иҷкәын заҵәы
дҟәаҟәаса дахьышьҭаз ҳнеихагылеит

Ҳаибаргәырӷьо амҩа ҳақәын,
Ҳцон ҳара Аҟәаҟа ҳласны.
Гәдоуҭаа ҳзыҳәан иҳақын,
Уахьынтә ҳзаар ҳҿахәы ҳәаны.
Лиуда лыбжьы хаа, ашәа ҿыцқәа,
Ҳгәы ҭзыргәырӷьааша ҳзыԥшын.
Уи днаркьысыр ҳгәы арахәыцқәа,
Ҳара ҳзыҳәаны ихәшәын.

Нас иҳәеит: Сыжәга аҩныҟа,
Дтәоуп уа смоҭа дысзыԥшны.

Издыруада иқәу зҟәаҟәа,
Ацәгьеи бзиеи рышьхәа еивҵоуп.
Сҩыза иҷкәын заҵәы дҟәаҟәа,
Гәымсҭа нырцә ҳахьнеиз дышьҭоуп.

«– УА ИҲӘАЛА, ИҲӘАЛА, МАКЬАНА...»

Аб хәашабга ииҳәо иҿамшәо,
Дышьхынԥсыланы даанхеит.
Крыҟоума нас уаҩ дызқәымшәо,
Аха мчык уа деиқәнархеит.
Убри аамҭаз аҩхаа иҭыҵны,
Иҵәаауан аԥша ԥшқаҵас.
Аб игәалақәа ихыҵны,
Хәыцрақәак дыргеит дымҵарс.
Имоҭа икьаасбжьы иаҳама,
Уа наӡаӡа абыда инхаз.
Аԥша ласы иаанагама,
Имра шҭамшәаз изырҳаз.
Дгылан ус акраамҭа дгәаҟуа,
Игәырҩа игәаҵаҿ иҵәахны.
11.05.2013

Аԥсны жәлар рпоет, академик М. Лашәариа иахь

Маалықьҵас уажәақәа иилароуп,
Бжьыла акаԥкаԥқәа ираԥыго.
Угәыӷрақәа мраҵас иԥхалароуп,
Аамҭа аӡыхәашьқәа ҳрылго.
Иҟаӡам, мап, иаԥырхагоу,
Умҩа ахара инагоу.
Урылиааит арҩашқәа ихагоу,
Зхьышьҭра амшынахь илагоу.
Иҟоуп ахәрақәа имӷьац,
Иҟоуп агәалақәа имдац.
Иқәԥатәуп асаби дгәырӷьарц,
Ашҳам иԥсҭазаара ԥнамҵәарц.
Баирон, Пушкин, Лонгфелло,
Ахаан имԥсӡақәо иреиуоу.
Ажәа аҟазацәа раԥҵамҭа,
Иазынужьит Аԥсны ҳамҭан.
Аԥсышәала урҭ зырцәажәаз,
Иуацлабуа дмаҷуп ажәаз.
«Аџьынџь» аԥызгалаз ашара,
Иаҳурбеит ҳбызшәа алшара.
Унапы иакуп ашана,
Иԥхьарца узынижьит Жана.
«–Уа иҳәала, иҳәала макьана,
Аҭла ԥсири ԥсиҟәана».
АПОЕТ
Аԥсны жәлар рпоет Р. Смыр 60 ш. ихыҵра иазкны

Уацәымшәан хынҩажәа, ушьхәақәа арба,
Уаныҷкәыназ еиԥш уҽырба, уҽырба.
Ҳамҭас ҳпоезиа уазишеит Анцәа,
Аԥхьаҩцәа зԥыло уа игәырӷьаҵәа.
Ашәақәа иҿыцу аԥҵала, нас, Рушьбеи,
Уҵыс иаҵәа абжьы хаа галааит Рушьбеи.
Уажәа мацәысқәа ирымчыз ҳамбеи,
Ахрақәа ирҿысны инеиуа Рушьбеи.
Збызшәа иагәҭасуа дҟәаҟәан дҭаҵа,
Аԥсадгьыл еимызҵәо аҵәы дахаҵа.
Апоет аҿҿаҳәа уаҿыз абылра,
Апоет уацәхьамҵын аиаша аҳәара.
Уашәақәа рҩашҵас агәараҳәа ишуеит,
Уажәақәа ҟәышуп ахара иԥшуеит.
Ҳаҷкәынцәа гәымшәақәа рхаҵашәа зҳәаз,
Анацәеи абацәеи рыгәқәа зырӷәӷәаз.
Иумҳәац ашәақәа акрыҟоуп идыр,
Иақәҵан игылазааит уҽы акәадыр.
Ирдыд, ирмацәыс, унеила «аҳаҳаи»,
Ицәазгьы ҿыхеит убжьы хаа рмаҳаи.
Уацәымшәан хынҩажәа, ушьхәақәа арба,
Уаныҷкәназ еиԥш уҽырба, уҽырба.
Ҳамҭас ҳпоезиа уазишеит Анцәа,
Аԥхьаҩцәа зԥыло уа игәырӷьаҵәа.
08.04.2010

УИИТ УАРА ААԤЫН ШӘҬЫШАЗ
Аԥсны афырхаҵа А. Смыр 60 ш. ихыҵра иазкны

Уиит уара ааԥын шәҭышаз,
Ашәҭқәа игәылҵыз ухьчаларц.
Амра игыло ашьыжь шараз,
Аԥсҭазаара арҿиаларц.
Ушрыцкароу ҩашьом Нарҭаа,
Уабгьы дхаҵан, деибашьҩын.
Аӷа хәынга имҭа ԥсгарҭа,
Абџьар иҿакны иукын.

Амра игыло ашьыжь шараз,
Аԥсҭазаара арҿиаларц.

Ахы аҿашәшәо уара уӡамҩа,
Унеиуан ахрақәа урҿыс.
Имариамызт уара умҩа,
Аха зныкгьы угәы мыҭрыст.

ГӘЫГӘЫЦА ЛАША
(Ашәа)

Гәымсҭа уруан иангәаҭеиуаз,
Аиааира акәын угәы иҭаз.
Ураԥгылан ԥхьаҟа инеиуаз,
Ҳадгьыл амца анацраз.

Быжәлар ргәеисра бгәеисроуп бара,
Быԥсадгьыл Аԥсны ԥшӡа базбом азхара.
Уи аразҟы лаша аиурц бҭахуп,
Бахьыҟазалакгьы былаԥш ахуп.

Ухаҵара ашьҭақәа сырхылан,
Уи анҵәамҭа зымбаӡеит.
Уаԥсуара ашьҭақәа сырхылан,
Уи зынӡа хара сагеит.

Владислав ду бихцәажәон быбжьы ҿацаӡа,
Ибҳәон бара аиаша зегь шыҟаз имӡа.
Рхы рыкәаҽ игылан ажәлар шанхан,
Быбжьы иарҵысуан ҳзыҩнагылаз ахан.

Уара ужәлар уԥсы рылоуп,
Уахгьы-ҽынгьы угәы иҭоу.
Уара уҩызцәа аҵеицәа рылоуп,
Аԥсынтәыла аԥсы злаҭоу.

Гәыгәыца, Гәыгәыца, Гәыгәыца лаша,
Ахә зшьахьада Гәыгәыца былша.
Исызҳәарымашь ажәа ибыхәҭоу,
Аԥсны ԥшӡа иадыруеит бҩызцәа зыԥсоу.

Уиит уара ааԥын шәҭышаз,
Ашәҭқәа игәылҵыз ухьчаларц.

Аԥсуа культура аӡыргара азын,
Ибылшахьоу маҷым, бразын зегь рзын.

04.03.2013

Гәыгәыца Џьыкырԥҳа илызкны

Асценахь банцәырҵуаз ҳагәқәа ԥшаауан,
Бажәақәа ибҿыҵуаз агәаҵантә иаауан.

Мҩак шәеицанылеит,
Аамҭа иаражәуаз.

Ажәлар жәларума аиашаз имқәԥар,
Нас, дара мшынҵас агәараҳәа имцәқәырԥар.
Ажәлар ԥхьаҟа ираԥгыло милар,
Рхаҵара, ргәымшәара, еиҭазҳәо дҟамлар.

Анацәа агәаҟқәа,
Игылаз ашанеиԥш.
Агәырҩоуп шәҟәаҟәқәа
Зырхәаз аҵәаҳәеиԥш.

Гәыгәыца, Гәыгәыца, Гәыгәыца лаша,
Ахә зшьахьада Гәыгәыца былша.
Исызҳәарымашь ажәа ибыхәҭоу,
Аԥсны ԥшӡа иадыруеит бҩызцәа зыԥсоу.

Ишәыхәҭоу ҟазҵахьоу ҳәа,
Аӡәгьы дысԥымлеит.
Шәзыԥсацәҟьоу зҳәахьоу ҳәа
Поеткгьы дымгылеит.

10.12.2013, ақ. Москва

АНАЦӘА РԤЫЗА
Аԥсны анацәа рхеидкыла ахантәаҩы
Гәыли Кьычба илызкны

Аибашьра еилгеижьҭеи
Гәкажьрак ҟамҵакәа,
Быҷкәын дҭахеижьҭеи,
Ҭынч бымтәаӡакәа,
Раԥхьа бнагылеит,
Анацәа игәжәажәоз.
Бҟалеит быхәрабӷьыцны,
Анацәа рзыҳәан.
Еиҭах зегь рҿыцны
Имгәаҟларц азыҳәан.
Зымцахәқәа ҿыцәааз,
Бажәа иарԥхазар.
Зыҷкәынцәа ззымааз,
Рзын быцҳахазар.
Иҭахаз рҳаҭгәынқәа,
Гәырҩала ибџьабазар.
Ашҭа қьаҭажәқәа,
Лаӷырӡыла ибкәабазар.
Имаҷым ибылшаз,
Анацәа рԥыза.
Бԥишәарцоуп бзишаз,
Ҳазхылҵыз ба бҩыза.
10.04.2013

СМОҬА ХӘЫҶЫ СЫХЬҞӘЫРШӘА
Смоҭа Саид Ԥкьын ихьӡынҩылоуп

Ааԥын амшқәа уааит урыцны,
Ашәа ҿыцқәа аниуаз.
Зегь анеинылоз иҿыцны,
Зегь быбышӡа ианышәҭуаз.
Угәазырҳаган ҳашҭа уҭалеит,
Уиаанӡагь ԥхыӡла узбахьан.
Хәыҷгьы-дугьы ԥсыс уаҳхалеит,
Сышузхәыцуаз сышлахьан.
Сымаалыкь хәыҷ, сымра ԥхара,
Уаҵәтәи сымш агәра сзырго.
Еихазҳаша са сынхара,
Са сашәақәа ԥхьаҟа изго.
Уҽыццышә гылоуп икәадырны,
Ашьамхы ҵаруп цәгьашәа.
Уааит аӡиас дуқәа урырны,
Смоҭа хәыҷы сыхьҟәыршәа.
Рхы шьҭкәыцәаа сышьха ӡышқәа,
Иахыццакуеит узҳара.
Унарҿыхәар сырҩаш ҭрысқәа,
Иуцымлои уаҟара.
Ааԥын амшқәа уааит урыцны,
Ашәа ҿыцқәа аниуаз.
Зегь анеинылоз иҿыцны,
Зегь быбышӡа ианышәҭуаз.
04.05.2012

ДАУҬ ХӘЫҶЫ СГӘАЗЫРҲАГА
Смоҭа Дауҭ Ладариа изкны

Уани уаби рыԥсҭаҵага,
Дауҭ хәыҷы сгәазырҳага.
Анцәа иишаз амшьҭа бзиа,
Иузыԥшызааит амҩа бзиа.
Аҩнаҭа ду уара уагын,
Уҟалааит, нас, ухьӡырҳәаган.
Слеишәа бзиа, сыбла ҭшаша,
Уадыскылоит амра шаша.
Зӡыхь ахыҵнамхыц макьана,
Уа уаҩызаха ашана.
Уҩагыла уҽырхаҵа,
Иҭаргәырӷьаауа ҳа ҳгәаҵа.
Иԥшӡаахааит уара укымҭа,
Мышкы зны уанаԥхьо сҩымҭа,
Сугәаларшәа ажәа ԥхала,
Аҳракырахь уара ухала.
Уани уаби рыԥсҭаҵага,
Дауҭ хәыҷы сгәазырҳага.
Анцәа иишаз амшьҭа бзиа,
Иузыԥшызааит амҩа бзиа.
20.06.2012

АԤХЫӠ-ЛАБҾАБА
1985 ш. инаркны М. Горбачиов идача ҳәа
хьӡыс инаҭаны Мысра зыргылара напы адыркыз
аԥсшьарҭа ҭыԥ уаҩы ихаҿы изаамго аԥхасҭа ду
анаҭеит зеиԥш шамахамзар иуԥымло Мысратәи
аҳәырԥссара

Атракторқәа ақәыџьмақәа рықәтәан,
Иҵжәан иҭарҵон аҵла ԥшӡақәа.
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Абахә - 2
  • Части
  • Абахә - 1
    Общее количество слов 3128
    Общее количество уникальных слов составляет 2135
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абахә - 2
    Общее количество слов 3126
    Общее количество уникальных слов составляет 2287
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Абахә - 3
    Общее количество слов 594
    Общее количество уникальных слов составляет 503
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов