Latin

Аамҭеи аԥышәареи - 1

Общее количество слов 3166
Общее количество уникальных слов составляет 2272
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
Виктор Кәакәасқьыр

ААМҬЕИ АԤЫШӘАРЕИ
Ажәеинраалақәа

Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа 2015

АПОЕЗИА УГӘАҴА ИҬАЗАР

Кәакәасқьыр, В. К.

Кә 22 Аамҭеи аԤышәареи. Ажәеинраалақәа.
Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа. Аҟәа, 2015. – 126 д.

«Аамҭеи аԥышәареи» – аҟыбаҩ ҷыда злеиҵаз
апоет Виктор Кәакәасқьыр аҩбатәи ишәҟәоуп. Ари
аизга еиднакылоит аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа­ла уи ииҩыз иажәеинраалақәа рӷьырак. Урҭ,
шамахамзар, зегьы акьыԥхь рбахьеит, аԥхьаҩцәагьы
гәахәала ирыдыркылахьеит.

© Кәакәасқьыр, В. К., 2015
© Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, 2015

Виктор Кәакәасқьыр диит 1951 шықәсазы
Очамчыра араион Бедиа ақыҭан. (Уи уажәы Тҟәарчал
араион иатәуп.) Иара убра далгеит абжьаратәи
ашкол. Уи ашьҭахь арра дыҟан, Калининград.
Арра ихганы данаа, хәышықәса инеиԥынкыланы
Тҟәарчал ашахтаҿы аус иуан. 1979 шықәсазы ҿыц
иаадыртыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет
афилологиатә факультет латәарадатә ҟәша дҭалеит.
Иара убри ашықәс инаркны аҵареи агазеҭ «Аԥсны
ҟаԥшь» аредакциаҿы аусуреи еидибалон. 1988 шықә­
сазы далгеит усҟантәи аамҭазы Ленинград иҟаз
ҩышықәсатәи иреиҳаӡоу апартиатә школ. Уи ашьҭахь
ԥыҭрак аус иуан акомпартиа Тҟәарчалтәи ақалақьтә
комитет аҿы аполитҵара акабинет аиҳабыс, анапх­
га­ҩыс, ашьҭахь – агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» ахатә
корреспондентс.
1992–1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџь­тәы­
латә еибашьраан Виктор Кәакәасқьыр – тҟәарчалаа
ирхыргаз агәаҟрақәа зегьы рыцеиҩишеит, иахьеи
уахеи дрылагылан. Ихамышҭыхә бааԥсны ҳажәлар
ирзыҟалаз убри аамҭа еиқәаҵәазы абри арԥыс фархь

иӷроузеи, ианаџьалымбеит, уҳәартә агәыӷәӷәара
ааирԥшит. Ақырҭуа оккупантцәа иқыҭа гәакьа Бедиа
ианалала, хацәнмырха урҭ ирҿагылаз ҳаибашьцәа
дрылагылан. Аибашьра анцоз амзақәа рзы,
алшарақәа шмаҷӡазгьы, иара ибзоурала иҭыҵит
агазеҭ «Абжьыуаа» аномерқәа жәпакы, есуаха
аефирахь дцәырҵуан, ҳаибашьцәеи ҳажәлари ргәы
зырӷәӷәашаз, ҳаӷацәа ҿаԥызҽуаз ажәа иҳәон, иҵарыз
апублицистикатә статиақәа икьыԥхьуан.
Виктор Кәакәасқьыри сареи ҳаибадырит Аԥсны­
тәи аҳәынҭқарратә университет данҭаз. Ҳаиба­дыр­
шьа­гьы оумашәа аҷыдарақәа аманоуп ишыҟалаз.
Дахьтәаз акурс аҿы аԥсуа фольклор иазкны алекциа
саԥхьарц аԥхьаӡа саныҩналаз акәын. Ажурнал аашь­
ҭысхын асиа саԥхьон. Зыхьӡ сҳәоз астудент «Ара
сыҟоуп!» ҳәа, – даныҩагылалак, снеиҿаԥшны лаԥшы­
ла дааимыздон. Иара ижәла анысҳәа, дҩагылеит
ҷкәына фархьк, аха егьырҭ аӡәгьы диеиԥшымызт,
дхышӡа дыҟан. Иҩызцәа раасҭа сылаԥш наидхалт.
«Абри астудент аԥсуа ԥшра имамшәа дыҟоуп,
ихахәы аԥшшәы злаҟоу ала, аурыс ԥшра имоуп
сҳәаргьы... Издыруада даурысны, дышхәыҷыз
аԥсуаа драаӡазар?!.» – аасгәахәын, сгәи-сгәи
ааилаԥшит. Аха уи иаасызцәырҵыз ахәыцра џьеи
сҿы иасырҳәарын. Имҳәакәа, ус, иаасыласыкӡеит.
Акыр аамҭа анҵы ашьҭахь ауп усҟан иара иҿ­
ныԥ­шылара исызнарҵысыз ахшыҩҵак зынӡагьы

ишҵаҵӷәыдамыз анеилкаахаз. Ҵабыргынгьы, Вик­
тор иан – даурысзаап.
Ауаҩытәыҩса иԥсҭазара шәкы, зқьы рыла
еиҿар­тәуп. Иразҟы мҩа шшапаӡа иауҟаху, дшым­
гәыӷӡо, дахьымгәыӷӡо иҵәир, зынӡа даҽа хырхарҭак
аиур ҟалоит. Аби ани уара иузалԥшаауама? Досу
илахьынҵала дымҩасуеит. Уи уара ухаантәиқәагьы,
уаанӡатәиқәагьы иреиԥшӡам. Уара иаауртыроуп
иҿыцҳҳараӡа. Ауаҩы дызлоу, икәша-мыкәша иҟоу,
атәым ракәым, изааигәақәоугьы цқьа даныр­зеи­
лымкаауа, цқьа даныгәцарарымкуа ҟалагәышьоит.
Изхысҳәаауа, Виктор иаби иани бзиа еибабаны
рынасыԥ еиларҵеит, аха аԥсуа ҵас џьбарақәа
ирыхҟьаны иара дшыԥшқаз еилымҵыр ҟамлеит.
Иан Аԥсны далҵны дцеит. Акыр аамҭа ихаҭагьы
издырамызт ианҵәҟьа дызусҭаз, иарымҳәаӡеит,
ицәырӡон. Даныҩеидас ауп машәыршақә ианеи­
ликааз. Арра даныҟаз ашықәсқәа рзоуп егьырҭ
иҭынхацәа аӡәгьы дизымҵааӡакәа ихала иан
длышьҭаланы, акыр аџьабаа баны даниԥшааз, иареи
лареи анеибабаз. Уи иара ус аламала далацәажәаӡом,
аха изааигәоу аӡәы ианиеиҳәо уазыӡырҩуазар, угәы
ҿнакаап. Убысҟак игәыҭшьаагоу хҭысуп.
Сыстудентцәа аҵара зҵаҵәҟьарц зҭаху зегьы
рзы сшыҟоу еиԥш, Виктор Кәакәасқьыргьы «сишьк­
лаԥшуан», акьыԥхь збоз истатиақәагьы гәцаракны
срыԥхьон, срыԥхьоит уажәгьы. Журналистк иаҳасаб

ала ишизҳауаз збон. Дагьышьақәгылт абаҩхатәра
бзиа злоу, аԥышәагьы змоу, журналистк иаҳасаб
ала сҳәар, ишымыцхәым агәра гаҵәҟьаны сы­
ҟоуп. Данстудентыз аахысгьы, аудиториаҿоума,
аредакциаҿоума, мҩакаҿоума, џьара ҳахьааиқә­
шәалак – иҿцәажәара сгәаԥхон, исгәаԥхоит. Дидеа­
листуп уҳәартә аҟынӡа иахьынӡалшо ала есымшатәи
ихатә бзазаратә ҟыбаӡыбарақәа (уи иахьа изгыда?)
иҽырҟәиҭхоит. Зны-зынлагьы аромантикатә хәыц­
рақәа амцхә иҽриҭома уҳәартә дыҟоуп. Ароманти­
катә аамҭа ҳашҭагыламгьы, акырӡа ҳшацәыхароугьы.
Виктор ихатәы бызшәа – аԥсуа бызшәа – хәашьрак
амамкәа ицқьаны иахьидыруа анаҩсгьы, аурыс
бызшәагьы бзианы идыруеит, иахьынӡаиҭаху иҿа­
хәы алаиҳәартә дыҟоуп. Иан длааӡартә, аурыс ҟазшьа
илалааӡартә, лыԥхарра иныԥшыртә дзыҟамлазаргьы,
иага умҳәан, аурыс шьа шилоу, агенқәа ҳәа
ззырҳәогьы акы ыҟазар акәхап. Ҩ-жәларык ркультура
далааӡоуп, ҩ-жәларык ршьа идақәа ирҭаныҟәоит.
Ԥсабарала иҟәыбҷоу, зыхшыҩ ҵару аԥсуа арԥыс
Аҟәеи Ленингради аҵара ахьиҵоз илаԥшҳәаа
дырҭбааит, ашәҟәыҩҩцәа дуқәа, аҵарауаа дуқәа
аӡәырҩы рҩымҭақәа инырит, ихдырра дырҿыхеит,
иаздырҳаит.
Виктор Кәакәасқьыр аԥхьаҩцәа еиҳараӡак дыз­
лар­дыруа, абар, шьҭа акыр шықәса раахыс агазеҭқәа
(еиҳараӡак «Аԥсны») ирниҵо актуалра злоу ипубли­

цистикатә статиақәеи, иочеркқәеи, еиҿикаауа аин­
тервиуқәеи рылоуп. Аха, убарҭ инарываргыланы,
ашкол данҭаз аахыс ажәеинраалақәагьы иҩуеит.
Ашкол данҭазгьы аԥсуа хәыҷтәы журнал «Амцабз»
аҿы иажәеинраалақәа ркьыԥхьхьан, уимоу, Моск­
ватәи ажурнал «Молодаиа гвардиа» адаҟьақәа рҿгьы
аурысшәахь еиҭаганы иажәеинраалақәа ркьыԥхь­
хьеит.
Аумашәа иоуҟахым ауаҩытәыҩса иԥсихологиа,
идунеихәаԥшышьа, ихымҩаԥгашьа. Заҟа хкы рыла
еилоу Анцәагьы издырам. Џьоукы-џьоук иага рзаау­
гаргьы, иага рыхшыҩ ҭазгалоит ҳәа, уалагаргьы,
ицәгьацәыԥхамшьақәоуп. Џьоукы абзиагьы иацәыԥ­
хашьоит. Изхысҳәаауа, аԥҳәызба ԥшӡа «сыԥш­ӡоуп,
сыԥшӡоуп, шәымбо» ҳәа ажәала ишылымҳәо еиԥш,
ус узлырҳәараҳа, Виктор Кәакәасқьыргьы ԥсабарала
дызлаҟоу ахӡырымгара иахҟьаны, споетуп ҳәа
узирҳәом. Иажәеинраалақәа урыхцәажәо уалагар,
илахь аԥхӡы аауеит, цәгьарак шиуз дақәукызшәа.
(Ацәгьа зуа ус иԥхашьондаз, сабиц!) Ажәеинраала
зыҩуеит ҳәа мыцхәы иҽазҵәылхны ахаан «планны»
ихы иадимҵац. Иҩуеит, имҩыр ада ԥсыхәа имамкәа,
цәалашәараны ианизааилак. Ҽырбагас, хьӡы ҭыгагас
акәым, ҿахәҳәагас, хы еиҭаҳәагас. Изыцмааиуаны
иадынҵәалаха мчыла изыҩуа дреиԥшым. «Иа­нааи­
лак» – аҩрагьы изымариоушәа иҟалоит.
Виктор Кәакәасқьыр – длирикуп. Илирикатә
жәеинраалақәа абри абри ауп ҳәа иахьӡысҵара

сыздырам, иааҭырҟьаны исызҳәом, аха иара ихатәу
бжьы ҷыдак рхоушәа избоит, иагьылахҿыхуп, иагьыԥ­
хоуп, иагьыҟәымшәышәуп, изҩыдоу цәаныррак уз­
дырҵысуеит. Зныхгьы гәкажьгоума шуҳәо, цәаҳәак
ала, ма ажәак амацара ала лашара ссирк ҩарылԥхоит.
Ҿырԥштәыс иааҳгозар, аԥҳәызбеи ашәҭыци рыӡбахә
еидкыланы ҳгәы хнарҷома уҳәа аҟынӡа заҟаҩы заҟа
рыла иларҳәы-аарҳәны ирҳәахьоузеи? Иҿыцу акала
урҭ шьҭа рыхцәажәара залшарым угәахәыртә аҟанӡа
инадырхахьеит, иаадырхахьеит. Убас шакәугьы
иҿыцӡоушәа ассоциациа ҷыдарақәак, цәанырра
ԥхарақәак уаҩы издырҵысуашәа, ддырхәыцуашәа
избоит ицәаҳәақәа.
Азныказы Виктор Кәакәасқьыр илирикатә жәеин­
раалақәа иласушәа иубоит, рыԥхьара мариоуп,
лассы уаҩы иҿаҿы иааиуеит. Аха цқьа урызхәыцны
урыԥхьар, формала иласызаргьы, ахәыцра хьан­
ҭақәа «ишрыҵоу» убоит, афилософиатә хәыцра ҵау­
лақәагьы рыдубалоит сҳәаргьы имыцхәхарым ҳәа
сыҟоуп. Абри аганахьала иҟазшьарбагоуп ҳәа сгәы
иаанагоит ахьыӡ зимҭаз жәаҩа цәаҳәа иҟоу абри
ажәеинраала:
Ашықәсқәа, сқәыԥшра мҵазырсыз,
Еиқәтәама наӡаӡа шәыԥша?
Аҿара аԥшатлакә шысхысыз,
Асаркьаҟны исанаҳәоит сыԥшра!

Сазхәыцуам шьҭа шаҟа схыҵыз,
Инхамашь иҵегьы сылша?
Хымҳа-џьымшьа сымшқәа инысхыз,
Иубомашь срыхьҵәыуом, сашьа!
Бзиарак сгәаҵа ианырыз,
Иасымҭеит сзырҟьалоз аԥша,
Ишәарҭоу ацҳақәа сахьрырыз,
Исыцын адоуҳа есымша.
Дшәарҭоуп агәыӷрақәа зцәыӡыз,
Аха исҭоит уи аҩыза аџьшьа:
Ԥшеи-фырҭыни ирылҵыз,
Иазмырхәоз аамҭа ахыԥша!

Ари адунеи ҳазқәу ҳзықәу, иаҳҭаху, ҳзышьҭоу
еилкаатәыс ирыман, ирымоуп абиԥарақәа иҩеидасуа
зегьы. Иаԥсоу акәу, акапеи кылҵәа иаԥсам акәу
ҳхы зқәаҳҵо, ҳаԥсҭазара ззаҳкуа? Иарбану ихадоу,
зегьы иреиӷьу амш? Зегьы иаҳзеиԥшу, иаҳзеиӷьу
аӡәгьы изымыӡбац. Досу ҳхала иҳаӡбалар акәхеит.
Агәыҩҿыҩра ианагь иҳацрымӡаауа иҳамазаауеит. Ус
ҳшазаап ҳара ауаатәыҩса ҳәа иҟоу. Ҳара иҳаиӷьу ари
адунеи ԥсы зхоу аӡәгьы дықәым, аха иабаҟоу ҳаргьы
ҳхаҭәаам, ҳнагӡам... Ауаҩра иеигьу акагьы шыҟам
лассы-лассы иаҳҳашҭлоит, аԥстәрахьы ҳахбыкьуеит,
уахь ҳхы ииаҳгоит. Абас еиԥш иҟоу афилософиатә

гәҭахәыцрақәа узырҵысуа ируакуп, ҳаӷоу иаџьал
цәгьахеит, сгьама зынӡа самеижьозар, Виктор Кәа­
кәасқьыр абри иажәеинраала:
Сара сызҵаара дыргоуп,
Сызусҭоу аҭак ҟаҵаӡам.
Аӡәы есқьынгьы дӡыргоуп,
Мҳаҵәк ақашь иаԥсаӡам!
Санхәыцуа – сашәа ԥсҿыхгоуп,
Сымҩа шьаҟьасҭала игам,
Зны-зынла адунеи ԥсҭыхгоуп,
Ирацәоуп араҟа еилыргам!
Сыхьӡ хәык ахь ихәныгоуп,
Зны ирҳәоит акы сшаԥсам,
Аха ауаҩра бӷеиҵыхгоуп,
Еиҳау амалгьы сҭахӡам.
Сара – сызҵаара дыргоуп,
Сызусҭоу аҭак ҟаҵаӡам,
Аӡәы есқьынгьы дӡыргоуп,
Мҳаҵәк ақашь иаԥсаӡам!

Апоезиа иацу аҭакзыԥхықәра еилкааны имоуп
азоуп хыхь сара Виктор Кәакәасқьыр дпоетуп ҳәа ихы
иԥхьаӡом зысҳәаз. Абжьарак уи иаанагаӡом ихы агә­ра

игом, дкәанызануеит, игәаҵа иҭоу апоезиа агәыӷра
инаҭом ҳәа. Аԥсҭазара акыр дкыднаҟьахьазаргьы,
мариа чеиа дахамтәацзаргьы, алашьцара шыҟоу
еиԥш, алашарагьы шыҟоу идыруеит, ацәгьеи абзиеи
иааицрымшәаӡо рышьхәақәа шеивҵоу еиԥш, агәка­
ҳара аасҭа, агәыӷра аԥызара аиҭоит. Уи азоуп еилыкка
изиҳәо:
Иҵегь исаҭәеишьар Анцәа,
Ега аҵыхқәа сыршап.
Сызхамшәало сцәаҳәақәа,
Сыԥсы рыхьсыршап.

Акьыԥхь иазирхаз иажәеинраала ҿыцқәа агәра
ҳдыргоит, Виктор Кәакәасқьыр қәрала иуаҩыбжарахь
дышнеихьоугьы, игәаҵа иҭоу апоезиатә цәанырра
ҵаӷа шҿыцәаам. Ԥхьаҩык иаҳасаб ала, ибаҩхатәра
агәра ганы, изеиӷьасшьоит игәҭакы бзиақәа, игәҭакы
ҳаракқәа рынагӡара ианашьахарц.

Сергеи Зыхәба

Угәуҽаныз, амарџьа, Кавказ,
Ахаҵараз ухьыӡгьы камшәо!
Кавказ
Алада – «аҳәатәхамҵа» Кавказ,
Аҩада – «аҳәатәхамҵақәа» ирнымшәо.
Аҭоурых, акырынтә ҳазҟьаз,
Седрумашь иахьагьы ҳазқәымшәо.
Мрагылара – ҳгәыла, ҳазнаԥхаз;
Атәым дгьыл ашәиқәа ирцәымшәо.
Ҳадгьылаҿ аԥшәымара згәаԥхаз,
Иахьагьы ҳа ҳачҳара ԥызшәо.
Ҳҵеицәа шаҟантәы ишьабаз,
Ахаангьы қәылаҩ инымшәо.
Шаҟантә шаҟаҩы иаҳџьабаз,
Аха ҳа ҳџьынџьгьы ҳаахымшәо.
Ашьанҵеиԥш ҳара ҳҟазҵаз,
Аҳарҭ еиԥш аҵла ҳаҿымшәо.
Ҳбызшәа, ҳџьынџь, убас ҳа ҳҵас...
Ҳзаку иахьанӡагьы ҳаилымшәо.
Ирҭамлааит ҳашҭақәа ауаз,
Шәаргәындак ихымҭагь ҳаҿамшәо.
Агәала
(Алықьса Лашәриа ихьӡынҩылоуп)
Иҩналатәын сыкәмалкгьы хҵатәын,
Дынхон, «ажәытәан» уаҟа апоет.
Иԥс иагәаԥхашаз жәакгьы ҳәатәын,
Икыдҵатәын икнырххьоу ипатреҭ.
Имажәуа ҳҵасқәа ҿыц иҵатәым,
Аха шьоук рзы уи ҿыц иҵатәхеит.
Аԥсуа иҭахымызт хаангьы атәым,
Иаазқәылаз ҳҵасқәа уажә даҽакхеит.
Алықьса имш ира ҳаргьы иаҳхатәын,
Уи ауаҩ ҳарҭ зегьы заа дҳаԥхеит.
Апоет дыҟанаҵ мраҵас деикәаҭәын,
Мраҵас длашогьы ҳдунеи даҭынхеит.
Ҳара иуадахь ҳаҩналарц ҳҭахын.
Аха ааҵраҿ ҳахьгылаз азхеит.
Ҳаблақәа иаҳзымҳәоз агәала рхын:
«Аламыс абаҟоу, аҩ ирфахьеит...»

Исныруа сгәала наӡаӡа иҵәахын...
Ауха сахьышьҭаз ԥхыӡла избон:
Апоет иуадахь дыҩналарц иҭахын,
Аха сцаԥха сцәыӡит ҳәа дхынҳәны дцон...

Иахьа аҩсҭаа игәыӷрақәа ԥсуеит,
Амҩа иқәу дныҳәоуп, дныҳәаӡоуп.

Адәыԥсшәақәа

Аҽы-ласқәа ирацлабуа ԥшаласкгьы ҵысуеит
Аҽы-ласқәа ԥыруеит, аӷәра рыҭаӡоуп...
Урҭ ирышьҭалан сҽыхәагьы цоит,
Саргьы сгәыӷра егьырҭ ирысҭаӡом.

Амҩан – адәыԥсшәақәа, дәыԥсшәақәа,
Ԥара ҿырпқәоушәа исҿаԥсоит.
Машәырла џьара ҳаиқәымшәакәа
Сҟалар, са ргәаҵа сҭаԥсуеит...

Сгәаҵаҿ иҷыдан гәырӷьарак сасуеит,
Саргьы иахьа схьаақәа срылаӡоит.
Сҽыхәа аԥырцәқәа мырхәаган исҿаԥсоит,
Слакәха, шьыри, дунеик снылаӡуеит.

Аха адәыԥсшәақәа, дәыԥсшәақәа,
Џьықәреиҵас уеизгьы илаҳҵоит.
Саргьы адәыԥсшәа сацәымшәакәа,
Дәыԥсшәала аҭакқәа ҟасцоит.

Жәҩанаҿгьы аԥырраз ԥсаатәқәак еисоит,
Урҭгьы иахьа ажәҩан рыҭаӡоуп.
Адрыгә-дрыгә – агәыӷра агарақәа ҵысуеит,
Ҳдунеи, уныҳәоуп уаргьы, уныҳәаӡоуп!

Еиҭах – адәыԥсшәақәа, дәыԥсшәақәа,
Урҭ рыла ҳаибаркушәа збоит.
Шьыри, иабаҟоу агәыԥсшәақәа,
Иахьыҟоу здырыр, са сагьцоит...

Азԥшра
(Аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ҳҵеицәа
ирыхьӡынҩылоуп.)

***
Зыбаҩқәа зцәыласу аҽы-ласқәа ласуеит,
Ҽы ласк знымсуа амҩагьы рыцҳаӡоуп.

Ахәмарга узаазгоит ҳәа сеиҳәеит саныгьежьуа,
Сихьымҵәыуеит нас, – саб игәра згеит.
Сандугьы днаскьалгеит дныҳәа, днапыргьежьуа,
Аха дцеит иара, дцеит, дцаӡеит...

Зны иаҳхын ҟәыраанқәак иаҳхагьежьуа,
Ҳқыҭа акалҭаҿ атҟәацыбжьқәа геит.
Еиҭарҳәон ашьҭахь – «абомбақәа наҳалажьуа,
Ҧыҭҩыкгьы убраҟа раџьал иагеит».
Саб сыхәмарга закәыз исеимҳәаӡеит ахьӡ,
Схаҿы уи асахьа аҭыхра саҿын.
Иабаздыруаз сара иҟаз, иҳахьыз,
Ашкол сҭаӡамызт, сара схәыҷын.
Сыԥшын сара саб дшаара ҳәа.
«Дабаҟоу, сижьама?» – сгәалагьы ԥшын.
Сеихон ҳгәашә анаатуаз аҷараҳәа,
Усҟан сан лыблақәа ҟаԥшьын...
Аибашьрантә ахәмарга аӡәгьы иааигаӡомызт,
Игәасҭеит, зыԥсы еиқәхаз рыхәрақәа ааргон.
Сыхәмарга аӡбахәгьы уаҳа исҳәаӡомызт,
Сара сдухон, иҟаз еилсыргон...
Хәылԥазык аҳәса, ахацәа еихьымӡаӡо,
Иҩуан, кәашаран, ахысыбжьқәа геит.
Еиҭарҳәон ҳаибашьцәа Егрынӡа ишынаӡо,
Аԥсны ахы иақәиҭуп, аиааирагьы ҳгеит!
«Хабарда дыбжьаӡит», – ажәа агәра сзымгаӡо,
Уи хьааны са сгәы иҭашуп.
Убас ихьанҭоумашь сыхәмарга иузаамгаӡо,
Саб, иахьагьы ҳгәашәахь сыԥшуп.
Аелегиа
Аӡәы изы амшынгьы шқашьу,
Қьафла иԥсҭазаара мҩасуеит.
Сара ақәԥара шысқәашьу,
Сыҟоуп, сдунеи ҭагәҭасуеит.
Аҵх еиқәарақәа ирҭаршәу,
Схәыцра ажәҩан иналсуеит.
Сымш, акасы еиқәа зхаршәу.
Уигьы хьаала еиҵасуеит
Сныҟәом сара схьаԥш-кәаԥшуа,
Исылшо – слахьынҵа сазцасуеит.
Сышҟа лассы-лассы ихьаԥшуа
Схьаа ԥинаҵас иԥхасҵоит.
Сзеигәырӷьои? Шьыжь шәаԥшьу?
Иҟоу, иҟамгьы хасҵоит.
Схаҭа сышлакәу, сышжәабжьу,
Сшеилкаам убас сымҩасуеит.

Ахәыцра
Саддом, Гаморра, Карфаген, Помпеи,
Рыӡбахә адыруеит урҭ адунеи.
Аламыс ҳәҳәон, иҭыҵуан агәы аҭра,
Аха аҳра агеит уаҟа акаҳԥра.
Аламыс анырнаԥха, нас уи ацкы,
Иҵысит ачымазара, ахьаа, аҿкы...
Иҵасхәым ачыс ақьаф изҭашәаз,
Илымшеит ранажьра хыхьнтә Ҳазшаз.
Шәҭышла, ӡахәала иқәҵаз аԥсабара,
Уи ацкыс ириҭеит Анцәа асакара.
Иҵегьы еицәаз аԥышәара рзыԥшын:
Аӡиасқәа ҭабеит, ицәҳәырахеит амшын.
Сархәыцуеит сара ари даара:
Ҳаҵоумашь уаҩҵас ауаҩра еидара?
Имариам адгьылаҿ анхара умҩашьакәа,
Аха ҳрыхӡыӡаалап Аламыс агәашьақәа.
Ахьышьҭрахь
Схынҳәит сара схьышьҭрахь,
Сыԥшуам уаҳа ҳаԥык ахь.
Сгыларым аӡәы ишьҭахь,
Зегьы ықәлалап рҭыԥ ахь.
Аԥша ҟьалақәа срышьҭам,
Убас аԥша ӡлагарагьы.
Избоит сгәыӷрақәа рышьҭа,
Ҿыц исырҵыслап ргарагьы.
Аха еиужьӡаны исырцәом,
Урҭ есшьыжь игарысхлап.
Сусқәа рымшқәа сымҵәом,
Еиҳа ихьанҭоу алысхлап
Сашҭагьы аҳәира ахсырҵәом,
Сыԥсы ахалашоит сџьынџьгьы.
Даҽакала сызгылом, сзыцәом,
Саныҟамло сҟамлои ҭынчгьы.
***
Ҳаишьцылазшәа збоит, игәакьоуп
Амц, ашьыцра, атәамбара...
Сдунеи мҽыӷуп, нас икьакьоуп,
Заҵа гәырӷьарак самбара.
Уеизгьы сыуаҩра сазԥагьоуп,
Заҵа рҳәаа сҭамӡара.
Сара сҟәышуп, нас сагьхагоуп,
Сагьаҳәом џьаргь ҭамзаара.
Сара сдыру, снагоу, сшыҟоу –
Аҭакқәа ирылам смазара.
Ламысаз шьхакахь сышҩагоу,
Ицалааит сыԥсҭазаара.
Ашҭа ду сҭаԥшуеит
Ашҭа ду, ашҭа ду сҭаԥшуеит,
Насыԥушь уи ашҭа сызҭалар?
Агәашә аазыртуа длаԥшуеит,
Макьана сусқәа маншәалам....
Ашҭа ду, ашҭа ду сҭаԥшуеит,
Избои? Аԥагьара, атәамбара...
Шьҭа саргьы слаԥшуеит,
Сцар рыбла сахьамбара?
Ашҭа ду, ашҭа ду, сҭаԥшуеит,
Иахьҭалоз, иахьҭыҵуаз арашьқәа.
Уахь аҭалара сацәшәоит,
Имаанахеит аҭаларҭа агәашәқәа.
Ашҭа ду, ашҭа ду сҭаԥшуеит,
Ашьҭа збом уаҟа адоуҳа.
Сгаӡара, баша угәышуеит,
Иҟои сашҭа хәыҷы еиҳау?
***
Икәымпылӡа адунеи ду ахсаала
Мпылҵас сҿаԥхьа игьежьуеит.
Ахәыҷы ихы акәушәа, ԥшьаала,
Снапала, абар, исшьышьуеит
Сынцәоуп уажәы сара стәала,
Ихәыҷушәа ахсаалагьы ччоит.
Шәарҭак ыҟам џьаргьы џьара акала,
Сыдгьыл гәыраз, умшәан, усыхьчоит!
Сразҟы аччабжь
Акыр-кыр, акыр-кыр иччоит,
Исхыччошәа збоит слахьынҵа.
Сара акызаҵәык сацәшәоит,
Исцәымӡааит сыуаҩра анапынҵа
Сдоуҳала зегьы шәсыԥшьоит,
Зразҟы ицәхалаз аҵаа.
Иахьылашьцоу џьара сцәашьуеит,
Сыԥсы хаа еиԥшуп ашәҵа..
Акыр-кыр, акыр-кыр иччоит
Слахьынҵа абжьы хаа ныхҵа.
Џьоукы сдоуҳала исыхьчоит,
Сразҟы, сгәыхәтәы сахьыгӡа!

Схәыцраҿ сымшқәак срыхьӡоит, исыцәцоит,
Ицахьоу азхьаара шаԥсамгьы гәасҭахьеит.
Уеизгьы сгәаҿы гәыӷрак ласҵоит,
Сымшқәа мхәашьларц хазы ҿасҭахьеит.

Сгәырҩа «ачуан» сҭачоит,
Гәыхәтәыда сымшқәа анца.
Усҟан аиааира счаԥоит,
Аӡәы игәыхәтәы данахьӡа.

Аԥырраз аҳауаҿ ԥсаатәқәак еисоит,
Разҟыс сара рыхәаԥшра санахеит.
Ех, шәаргьы шәымҵәыжәҩақәа ааԥсоит,
Ажәҩанахь зны саргьы схалахьеит.

Акыр-кыр, акыр-кыр иччоит,
Исхыччошәа збоит слахьынҵа.
Сыҟанаҵ цәашьҵас слашоит,
Сзишеи уаҳа Анцәа?

***
Сгәырҩа акьаҿ сшәыхны,
Агәырӷьара ахамы сшәысҵеит.
Нас схы-сгәы иҭыхны,
Ҿыц сашәақәа аԥысҵеит.

***
Сымш ҿырҳасуа алацәа еиқәыԥсоит,
Сҿара шцахьоу уигьы гәанаҭеит.
Абҳәаса апытҟәырқәа ҭынч икаԥсоит,
Сгәырҩа ацәыкәбар уаҟа иналаҭәеит.

Анасыԥ жәҩанахь ишьҭыхны,
Уаҟа ашьҭақәа анысҵеит.
Адгьылаҿ саҳәагьы шьҭыхны,
Аџьнышқәа ҳашҭа иҭысцеит.

Еҳ, акы ииуеит, акы ԥсуеит.
Саазқәылаз схәыцра ажәҩан иалахеит.
Апҟақәа џьара еишьҭаланы ицоит,
Урҭ шнаскьазго сыблақәа карахеит.

Шьҭа исыгу – шьыри, наныкьара,
Аԥсцәаҳа сызилгар зныкҟьара!..
***
Зынгьы гәкажьра ҳарҭ иаҳчычоуп,
Ҳгәыӷра бгьыцқәа аныԥжәалак.
Нас такәаамҭа ҳамчыдоуп,
Ҳгәырҩа ҳацуп ҳахьцалак.

Саргьы араҟа лассы-лассы сахьшаҭам,
Уи азы аҵәыуара саргьы исыхәҭам.

Аха агәыӷра зегьы ирҷыдоуп,
Иаргьы ҳашҟа ианаалак.
Еиҭа ҿыцны ҳагәқәа ҩычоуп,
Ҳашгәырӷьо рдыруеит ҳазбалак.

Иаԥсоума сдәықәлар гәкажьрак сҽаҭан,
Уи аҩыза агәгьы сара исызҭам.
Схьаақәа џьара тышак инаҭан,
Сымш саԥылоит сара шьыжьымҭан.

Убас ҳашгәырӷьо, убас ҳшыччо,
Иҵегь ԥыҭрак ҳанцалак.
Иҳаҵашьыцуа маӡа иаҳчычо,
Ҳгәыӷра иахьыршьуеит адалақь.

Гәыӷрада араҟа аӡәгьы ҳхәарҭам,
Дрыцҳауп уи згәаҿы изызҭам.
Сыжәбозар зны ашьхауаҩ ишиаҭәам,
Усҟан сара сышьхақәа сырԥам.

Абас ҳгәыӷра иаҵаӷьычуа,
Ҳа иҳазныҟәо ишабалак.
Ргәырҩа хааназ ихымҽуа,
Ашәи рышьҭаз иахьцалак.
***
Сгәаҭазарц анахәҭоу, аха сангәаҭам,
Саҿыхәалап ԥшьаала сгәырҩа афырџьан.
Ауаҩра араҟа зегьыҵәҟьа ираҭәам,
Аха уи азы аӡәгьы дышәмырџьан.
Аԥсҭазаара аӡәгьы наӡаӡа иҳаҭам,
Ҳаџьалгьы ԥшыхәуеит уажәы, уашьҭан.
***
Иҟоу маҷым, зегьы срылаӡар,
Сиеиԥшхоит усҟан аҿаҳа.
Агәҭыхақәа, ахьаақәа сымамзар,
Ииуама сашәа ацәаҳәа?
Сара зегь раԥхьа сгыламзар,
Иагхеит ҳәа сыҟам сдоуҳа.
Ацәгьеи абзиеи срылазар,
Сыуаҩра шьҭыҵуеит еиҳа.
Хаҵароуп – ачҳара сыҭазар,
Иахәҭазар, сҭыҵуам сҳәаа.
Ауаҩы ишьа цқьа сылазар,
Ибзиоуп сышьҭахь сыхҳәаа.

Сгәыӷра бӷьыцқәа каԥсоит,
Аха агәкажьра иаԥсоума?

Сышнеиуа ԥаршеиқәак сыламӡар,
Ҧсаҭала сыӡбахәгьы шәҳәа.
Аиашаз ахьаҵра сыламзар,
Иназгоит сыуаҩра ашәахәа.

Саргьы араҟа ссасуеит,
Ҳшыҟоу наӡаӡа ҳазцома?
Акы ииуеит, акы ԥсуеит,
Зегьы ҳагәҭыха зынаӡома?

***
Сгәы, уааԥсазшәа збоит,
Схьаақәа узымго уҟалама?
Макьана сыуаҩра агәра згоит,
Исҿакыз уи азы аҟама.
Ишызбац бзиа избоит,
Иашазаргьы, сыԥсҭазаара агьама.
Ҿымҭӡо схьаақәа зӡоит,
Сгәы, ианулакшо аргама.
Сымшқәа, сымшқәа цоит,
Сгәы, шьҭа уааԥсама?
Сыҟанаҵ қьиарак ласҵоит,
Схәыцуам – сгәаҭоу, сырбама?
Сгәы, мышкызны уааԥсоит,
Иахьагьы саџьал ласуама?
***
Аҿара бзиоуп, ҳәарада,
Кыҷырак уӡамҩа иананым.
Салаӡап саргьы ҳәҳәарада,
Ажәра – разҟуп, егьаурым.
Сымшқәа мцалааит џьшьарада,
Самгааит сымҩа иахьакәым.
Сҿара мҩасхьеит, уарада,
Аха сылахь еиқәым.
Сааиуеит иахьанӡа харада,
Сымныҟәеит џьаргьы ишакәым.
Сҿара цазар, изхарада?
Уи амца наӡаӡа еиқәым!
***
Аӡын мшы агәазы,
Амра акалашәа иԥхоит.
Гәалак сымамшәа аказы,
Иахьа аԥсҭазаара сгәаԥхоит.

Нас далаччон ижакьа,
Уи «сҭынха», сара сдыр...

Схьаак аҽаӡоит иахьазы,
Сгәы аԥхара еиҳахоит.
Насыԥк сашьҭам схазы,
Сара исымоугьы сызхоит.

Зқыҭа иалырцаз анкьа,
Еибгам иахьагьы зыжәҩахыр.
Сара саныԥшылон исаркьа,
Ихәҭан ихы иҵәахыр...

Мҵәыжәҩак сымоуп уажәазы,
Сгәы жәҩанахьгьы еихоит.
Исеиԥшу дыҟамшәа ҽаӡәы,
Насыԥк сыманы сынхоит.

Аха иара иҽыргәакьа,
Дцәажәон, дыԥхамшьо, уԥшыр.
Аҽны уи дсымбакәа,
Еиӷьын, шьыри, сашьыр...

Игәазырҳаган сара сзы,
Аӡын мра сарԥхоит.
Ус имԥхар зегьы рзы,
Усҟан сымрагьы ҭахоит.
***
Дсылабжьон сара амаҳагьа,
Игәаларшәо уи сара сжәытә.
Акалашәа иара иҽырԥагьа,
Исеиҳәон: «Уавсла арыжәтә. –

Амҩа
Ҳнеилап, аҩызцәа, ҳамҩа анҵәара ақәым,
Ҳдоуҳа мҩа шьҭеиҵеит Дырмит.
Ари амҩа ҳацәхьаҵыргьы ҳақым,
Уаҟа ҳалахтра, ҳашәақәа иит.
Ҳбызшәа амырӡра ианықәхьоу, ианықәуа,
Уи ауал-ԥшьа ҳазиашоуп, ҳагьаҵоуп.
Убри азы ауп нас адунеи ҳзықәу,
Заԥсуара иазиашоу – днасыԥуп, дхаҵоуп!

Иумырԥхашьан уҭынха, угәакьа,
Иақәҵа ухгьы ҳаҭыр».

Иаҳқәашьын ахацәа хьыӡкамшәа дуқәа.
Аха ԥыҭҩык заанаҵ иҳацәцеит…

Иҳажәлон ҳара аԥшалас, афырҭынқәа,
Иахьа наӡаӡа ҳажәҩан ду ҵәцеит.

Иара наҟ днаскьеит,
Ҳара ахақәиҭра ҳаҭаны.

Ҳнеилап, аҩызцәа, ҳажәҩан хәашьра ақәым,
Ирнырлап Дырмит ду, Иуа, Баграт…
Аԥсуара хәырбӷьыцҵас ҳахәра ишақәу,
Уи ахьырныруа еиӷьхап рахраҭ.

Нбан дула ихьӡын – Аҵеи,
Дшан Анцәа иҳамҭаны.
Дрылсит иара ӡи-мцеи,
Аҭоурых аԥшатлакә иҽаҭаны.

Аԥсуара хьаҭражәҵас иурӡуа акы акәым,
Акыс уи ашьҭыхра даараӡа ихьанҭоуп.
Арахь иара ахааназгьы еицакуам,
Избанзар изықәлоу адунеи ахаҭоуп.
Убраҟоуп, убраҟа, ҳирҭагьы, ҳаԥсырҭагьы,
Иҳазшан Аԥсуара ҳара лахьынҵас.
Адунеи ду сара ҳамҭас исырҭаргьы,
Саԥсуара сымамкәа, сцоит са сымҩас…
Ҳнеилап, аҩызцәа, ҳамҩа нҵәара ақәым,
Ҳдоуҳа мҩа шьҭеиҵеит Дырмит.
Ари амҩа ҳацәхьаҵыргьы ҳақым,
Уаҟа ҳалахтра, ҳашәақәа иит.
Аԥсны аҵеи ду
(Аԥсны раԥхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба изкны)
Илшоз, илымшоз ҟаиҵеит,
Дымтәеит ихы шаҭаны.
Уи дунеик дазцеит,
Шьҭа ҳашшәарҭам гәаҭаны.
Жәҩанаҿ аеҵәагь наскьеит,
Иеҵәахә аҭыԥ аҭаны.
Изҳәада Аҵеи дхарахеит,
Дҳацуп дымра шашаны.
Иҵегь, иҵегь дҳаракхеит,
Уи Аԥсны дагәашьаны!
***
Схәыцра ҭынчи аԥшаӷьи,
Избоит, зынӡаскгьы еинаалаӡом.
Исышьҭоуп хазы ақәагьы,
Сышьҭахь сышьҭақәа еималаӡом.
Ҿыхьҭаауп иахьа адәахьы,
Аха аҩныҟа сыҩналаӡом.
Еихоит ажәҩан агәахьы,
Сашәақәа џьаргьы ибналаӡом.
Изгоит ахьаақәа схахьы,
Сыдгьыл гәырҩа анаалаӡом.
Дсышьҭоуп ԥсцәаҳак саргьы,
Макьана аԥсрацәҟьа сзалаӡом.
Ҟәыӷак иҿыҵышәшәоит ахьы,
Гаӡак уи ихы изҭалаӡом.
Ԥсаатәк ахьзымнаӡо џьаргьы,
Хшыҩмзар акгьы зхалаӡом.
***
Лассы-лассы аҷыхьқәа сыхьӡоит,
Сеидрушь ирхарахаз сымшқәа.
Сгәыӷрагьы џьара аҽаӡоит,
Уаҳа разҟык сықәымшәа.
Сахьцо аӡы-ԥсы схьыкәкәоит,
Сымҩа ркуеит аӡырлашәқәа.
Сышхаҵоугьы аҵәыуара сакуеит,
Ақәа леиуеит, иҵәыуошәа.
Сџьар саҵалан изгоит,
Итәоуп џьоукы игылаша.
Аха сара агәра згоит,
Суахәамаҿ дшыҟало исԥылаша.
Аамҭеи аԥышәареи
Сара сбылуеит хымҳа-џьымшьа,
Сгәырҩа акәаш мца еиқәуп.
Сахьықәу сыдгьыл сатәымшәа,
Сшьам дгьыл алахь еиқәуп.
Уеизгьы слахьынҵа санымшәа,
Шьхакахь схаларц саҿуп.
Сдунеи сгәы анахымшәа,
Уи азы ашәагьы ҳәатәуп.
Иҟои араҟа сызқәымшәо,
Ишкәакәан избо – дыӷроуп.
Аха акызаҵәык сызцәымшәо,
Макьана сыԥсы-цқьа сыӷроуп.
Аамҭоуп есқьынгьы ҳԥызшәо,
Саргьы шьанҵаҵас сыҷҷозар.
Иарбану сгәы зԥызжәо,
Сышьҭахь слашарак каҷҷозар?!

Аҽы ласқәа
Ех, амҩақәа, аҽы ласқәа,
Слымҳа иҭыҩуеит аҳаи-чеи.
Урҭ ирықәтәоу ирымакуа,
Изгошәа збоит аҭарчеи.

Еиваҩуеит аҽыҩқәа аҽы ласқәа,
Слымҳа иҭыҩуеит аҳаи-чеи.
Исзынхаз – иақәтәоу ирымакуа,
Изгошәа збоит аҭарчеи.

Гәаныла саргьы сзырласуа,
Схазы гәыжьжьагак сымҵеи:
Сҽы ласгьы рылоуп ииасуа,
Зегьы ираԥысны имцеи!

***
Сыҟоушәа-сыҟамшәа сҭахым,
Шәзыршанхо акгьы салаҟам.
Ашәак аԥҵара сҭахын,
Уигьы саҟәыҵит, салаган.

Ех, аҽыҩқәа, аҽы ласқәа,
Ԥынгылам урҭ рзы ӡи-мцеи.
О, изхьымӡаӡо ахымҩасқәа,
Рҽеимаақәа – амца кәеицеи!

Хықәкыдаҵәҟьа сыдгьыл саным,
Аказгьы сыламыс саҟаҟом,
Слахьынҵа убас исзанын,
Ихьаазгом хьыӡ дук сахьалаҟам.

Арха, аҿаҩа, аӡиасқәа,
Ирхысны, ирырны имцеи.
Сахьрылаз аԥхьахә рымакуа,
Схәыцраҿгьы сымҩа зынҵәеи?

Сзышьҭоу қаруам, иагьхьым,
Рыӡбахәгьы слымҳа иҭалаӡом.
Уахынла жәҩанаҿ, нахьхьы,
Сиеҵәахә мбакәа сышьҭалаӡом.

Аҽыбӷахь гәаҳәарак сымамкәа,
Сара абас сҟазҵеи?
Сааигәара уаҳа игыламкәа,
Ҽыҩҵас сыҷкәынра мцеи.

Уи иагьсанаҳәоит зегьы,
Сразҟы шьҭа имаӡахом:
Сыдгьыл сахымлар уаҵәгьы,
Сҳәыҳәқәа аԥырра рҭаххом.

***
Имшаӡо аҵхқәа сымоуп,
Имыхәло сымшқәа збаӡом.
Сдунеи ахәыцрақәа срылоуп,
Сдунеи дунеик изҭаӡом.
Џьоукы изышьҭоу сыԥсырҭоуп,
Сахьеиқәхо аҭыԥқәа рбаӡом.
Џьоукы изышьҭоу скырҭоуп,
Амҵәыжәҩа зсымам рҳәаӡом.
Бзиа ирбо сыԥсыҽроуп,
Сахьыӷәӷәоу аҭыԥқәа рзыхгом.
Аҭакс сыламыс сацәӷьычроуп,
Аха агәнаҳа сызгом.
Сдунеи зегьрыла иҩычоуп,
Саргьы гәҿыӷьла сынхом.
Сырныӡбом сыԥсыҽра иазчычоу,
Избанзар ауаҩра рызхом.
Имшаӡо аҵхқәа сымоуп,
Имыхәло сымшқәа збаӡом.
Сдунеи ахәыцрақәа срылоуп,
Сдунеи дунеик изҭаӡом.

Поетессак лахь
(И. А. илызкны)
Иҭшәахазшәа збоит бдунеи,
Бзықәгылоу адгьыл базымкуа.
Бырзышәаҳәоит ақьиареи ауаҩреи,
Ихьыршәыгәуп ашәақәа ирзыбкуа.
Инабгоит бпоезиа аҭарчеи,
Иаргьы ҽураҵас иӡыӡымкуа.
Балахәуп агәырӷьара аҳаи-чеи,
Аԥсадгьыл аныхәаҿа ахьыркуа.
Брылоуп аԥсреи абзареи,
Ҳалахь еиқәызҵо, ҳзыргәыӷуа…
Аԥсуареи нас Аԥсынреи,
Ламысла ианыҟала ҳшыӷәӷәоу.
Бырнышәом мци гаӡареи,
Ауаҩра аныҳәаҿа шьҭыхуа.
Жәҩан ахь шьҭа бымнаӡеи,
Иԥыруеит бпоезиа аҽыхәа.
Бара, аиашара аҵеи,
Мци ҵабырги еилызхуа.
Иҵегьы хара бымцеи,
Поезиа доуҳала ҳҿызхуа.
***
Искыр бнацәкьара ԥшқарахқәа,
Снапаҿы иӡыҭыр ҳәа сшәоит.
Ибасҳәар ажәа лыԥшаахқәа,
Исылшом, шоурак сҭашәоит.
Исыҟәшәоит илакәу акакаҷқәа,
Шьыҵәран урҭ еиқәсыршәоит.
Сымаӡа еилыркаан хьаԥарчқәак,
Хьаԥарчҵас урҭгьы ччоит.
Хазы срышьҭоуп шәарахқәак,
Шьабсҭак ба бзы сахьӡоит.
Аха изыршәаз урҭ ракәхап,
Акаԥкаԥқәа оума ҟарҵоит.
Сгәы, сыԥсы, мшәан, бышԥақәшәа!
Бызбар, сҭәоит, сӡыҭуеит.
«Уеиха, ас еиԥш уанақәшәа» –
Маӡа сразҟы ҿнаҭуеит.
Ахацәа
Игалааит ашәа гәыҭгагақәа,
Урҭ, ахаҵара иахшаз.
Ишәҳәала, ахацәа еибагақәа,
Зшьала ҳхақәиҭра зыԥшьаз.
Иаҳҵасым ашәа ҽырбагақәа,
Ижәдыруеит ҳаамҭа зеиԥшраз.
Ишаҳкыз аҳәҳәагақәа, аҽбыгақәа,
Аӷа ҳа ҳашҟа дшааз.
Иртәылам араҟа ауаа агақәа,
Мамзаргьы ахысыбжь иаршәаз.
Ашәақәа шәҳәозар, ашәақәа,
Ԥсуала – игәаԥхоит Ҳазшаз!
Ахацәа, ахацәа нагақәа,
Ԥшӡала, Шьардаамҭа рҳәоит.
Иҟәышны, аха иԥагьамкәа,
Рхаҵара сгәы иҭаҳәуеит.
***
Сышықәсқәа, шәысхысит суанҭаны,
Сгәаҿгьы акыҷырақәа анышәҵеит.
Сыҟоуп, сҩызцәа, шәыгәҭаны,
Шәылымкаа ҩысҭаарак сзымҵеит.
Сара сзықәгәыӷуаз еиҳаны,
Санкаҳа, ԥхьарцакгьы санырҵеит.
Араҟа ашьацҳәақәа ҳаны,
Иузааигәоу уанырнаԥха – узымцеит…

Џырҵас сгәыӷрақәа рҭәаны,
Насыԥк ахь цҳакгьы хысҵеит.
Аԥҭақәа ырӡыҭны қәаны,
Ашоура бааԥс хысцеит.
Аурҭ, аԥшатлакә ршәаны,
Схьаақәа сгәаҵа инҭысцеит.
Сдунеи азқәа ршәшәаны,
Уигьы гәырҩак ахысцеит.
***
Инарывҵит аԥсҭҳәақәа ркалҭ,
Амра, ԥсаатәҵас иҳәыԥы-ӡыԥны.
Слахьынҵа саҟьозар саҟьааит,
Сцом сыдгьыл снықәӡыҭны.

Адунеи алацәа нҭааит,
Иахыҵуа ақәра ду иазхәыцны.
Сыдгьыл, ҿарҳасымҭак суҭааит,
Сцоит уаҟара схыҵны.
***
Хәыцра ԥша зхьымӡаӡо,
Аамҭа ҽыхәак ҳагоит.
Исыздыруам ауаа ҳахьынаӡо,
Сара агәыҭҟьа сагоит.
Уаагьы, ԥсаатәгьы змырӷьацо,
Адгьылаҿ усқәак ҟаҳҵоит.
Наҟ-ааҟ аԥсхыхрахь ҳашнеибацо,
Ҳԥырны ажәҩан ахь ҳцоит.

Иахьак схәыцрақәа сыцәҟьалт,
Адәы сықәушәа сыԥхыӡны.
Срылҵит сымшқәа рӷьал-пал,
Ацтәы ҳалымҵыр ҿыцны.

Абарҭ схаҿы иахьысраӡо,
Зны-зынла аҵәыуара сакуеит.
Макьана аҟәышрахь ҳахьзымнаӡо,
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аамҭеи аԥышәареи - 2
  • Части
  • Аамҭеи аԥышәареи - 1
    Общее количество слов 3166
    Общее количество уникальных слов составляет 2272
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭеи аԥышәареи - 2
    Общее количество слов 3059
    Общее количество уникальных слов составляет 2171
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭеи аԥышәареи - 3
    Общее количество слов 1989
    Общее количество уникальных слов составляет 1504
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов