Latin

Аамҭа иазымҵәахыз - 4

Общее количество слов 3127
Общее количество уникальных слов составляет 2135
0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
Зегьы здыруаз, акгьы даанамго дҟалазаап,
Еиҭах мчыла имчра ирхынҳәырц иӡбазаап!..
Аха иабаҟоу, уи зегь илҵны ицаӡазаап,
Иара иҩнуҵҟа, дара рымч заҵәык нхазаап!..
***
Ҭагалан, ҭагалан, иаҳзаауго ҳаздыруам,
Уԥша хьшәашәа иаҵоуп маӡак…
Ҳзазымиааит, ишубо, ҳгәырҩа хьанҭа ҳзыруам,
Ацәыбналашьагь ҳақәшәом зынӡак…
Ҭагалан, ҭагалан, аамҭақәа еиҭасуеит,
Ацәгьеи абзиеи еилахәоит…
Ашьхарахь зқьаф ҭоу абӷабқәа тәҩасуеит,
Агаҿаҿ, ауаа ҟәышқәа мыцхәхоит…
Иабаҟоу, иабаҟоу, аиаша ҳцәыбналеит,
Аӡ зҽазҭаз аԥсыӡеиԥш ицеит!..
Уааи, нас, ҭагалан, шьҭа ҳашҭа уҭалеит,
Уаргьы угәырҩа аҵәахышьа уҵеит!..

***
Исараӡа, исараӡа, аиашаҵәҟьа уасҳәоит,
Излауҵәахуа иумои иацынӡа узҿыз?..
Сгәаӷгьы ужәымларц алацәгьеиԥш иҿасҳәоит,
Уа сааигәа уанааиуа маҷӡак ихҽыз…
Исараӡа, исараӡа, иусырхәаҽуам аиаша,
Уи ҳашьҭахь иааиуа рзы имаакыроуп, ицҳауп…
Урҭ дрылам аӡәымзар аӡәы угәра згаша,
Изҭаужьырц иуҭахыз атышагь шәаҳауп…
Исараӡа, исараӡа, урҭ уажәақәа сылҟьеит,
Аха срызкамыжьт, еиҳагьы сыӷәӷәахеит!..
Амаҭ еиԥш ахаҳә аҟәақҳәа ухы ануҟьеит,
Ушҳам ануцәыӡ, уа утәы егьыҟам, уҭахеит…
Ацқьақәа иртәызааит ари амра хаа игыло,
Шәытак анхалар ҟалом ианыԥхо…
Исараӡа, исараӡа, исыцәшәо, згәы ҭамгыло,
Уа уакәым, схаҭагьы исыздыруам санҭахо…

***
Иҟаз џьишьон иашак уаҩ дызхымԥо,
Уи днахысыр – дзырԥхашьауа мчык…
Даҩымсыцызт зныкгьы игәы ҭымԥо,
Дацәыԥхамшьо, дымӡыҭуа хәыҷык…
Урҭ аҟәышқәагь ирымпыҵҩрит аиаша,
Урҭ адуқәагь ирамхаҭеит аӡы…
Шьҭа иара изыҳәан иҟам гәырӷьаҽҳәаша,
Акы амыхьуа, изкәыршоу акәылӡы…
…Ак иӷрыхоит, сеидру дызмырҭынчуа,
Уи наихыԥраан ицәцару иара?..

Хьаасгьы имам, идыруазаргь дшыршьуа,
Аиаша ашьхымӡеиш изыртәар абра!..
***
Адунеи зегь ҭшәан уи дамкуа,
Аха ианааи иҿҳәара,
Иблыз афурҭ еиԥш, акы даԥсамкәа,
Дааҳампыҵахеит иара!..
***
Уи изымдыруаз ак ыҟаӡамызт,
Уаҩ дахәомызт иҽхәара!
Хшыҩлагь еиӷьу дрылаӡамызт,
Аха иҟамлеит уи ихәара!..
***
Ҳахьцо сеидру, нас, уазымҵаан,
Ҳақәуп амҩа инымҵәауа…
Ҳазго адәыӷба ашә ду нывҵраан,
Ундәылԥш,уцәа хымцәаауа,
Зны ҳазнызоуп, уи амҩа ҩашьом,
Уи ҳахьаго аадыруеитеи!..
Аха акызаҵәык ҳа ҳцашьа,
Зынӡа ишиашам ҳныруеитеи!..
Ҳазҿу еилызкаауа, избаҵәҟьо,
Ирыцҳауп, ргәы ҭымҟьозааит!
Ҳахьцо акәым аус злаҵәҟьо,
Уи амҩа ҳазқәу нымҵәозааит!..
***
Ус имариам ҳаззыԥшу аагара,
Аамҭа аҭахуп…

Абна илахаз аԥсаса аацара,
Зылшаз, иҿахәуп!..
***
Ус дысгәалашәоит лара,
Саԥхьа дцәырҵуеит лаԥшҵашәаран…
Ахаан сгәы иҭымҵәауа лыԥшра,
Насԥырҵуеит аҵхыбжьон сыркаран…
Амшын, еилыскааит еиҭагьы,
Аҟәара угәаан узацәхьаҵуа…
Сзызхәыцуаз, исҭахыз зегьы,
Аԥсҭҳәа хьшәашәеиԥш ианыбжьаӡуа…
Уи сылцәыхароуп зынӡа,
Слафгьы дарччом акыркырҳәа…
Ахьшьыцбеиԥш даныҵԥраауа дласӡа,
Слыцәшәахуеит, ахьҭаҵәҟьагь дакырҳәа!..
Ах, ажәҩан, суацлабуам сара,
Уа ухазыҳәан дугәаԥхозар!..
Аха еҵәаџьаагь умами уара,
Дсанажь, суҳәоит, иҟалозар!..
***
Иубац абаҟоу, ауаа ҽашьоукхеит,
Анкьатәи рыҟазшьа мҩасхьеит…
Аамҭа аҿҟьарреиԥш џьара иаҿахеит,
Лаапкҵас ашәарҭа рыцрасхьеит…
Адунеи иаабац ауп, ҵабыргуп,
Аха ауаа рҽырԥсахт ӷәӷәала…
Хыцқәак изымҵасуа иҭархханы иркуп,
Амшә шьацҳәеиԥш, изацәымцо рхала…

***
Лҟазшьа сзеилымкааит зынӡа,
Абри дзеиԥшроузеи ҳәа слызхәыцуан…
Лыбла сцәылҵәахит маӡа,
Арахь гәаныла, дсеиԥхыӡуан!..
Излаздырри шьҭа лгәы иҭоу,
Уи ахьыҵәаху сызнеиуам!..
Аԥша ҵәуо ааҵра ибжьоу,
Ӡәыр идыруоу изыргәаҭеиуа?!.
Ас ҳабанӡақәу ҳҽыԥхьак,
Разҟык алакҭа ҳҿаԥхозар?!
Лҟазшьа злаасыртуа цаԥхак,
Саҳәон, сҿаҳәатәы ҟалозар!..
***
Лаԥшеимҟьарак ауп исқәашьхаз,
Убригь аарлаҳәа сахьӡеит!..
Ӡызлан длеиԥшын, леимаа ашьхәа,
Мацәысеимҟьаран исҿаҷҷеит!..
Дабанеихьоу, ӡәыр длыхьӡама,
Азныказгьы маҷк саашәеит!..
Уи диасит, аха дцама?!
Ихәыҵҟьаз кәицҵас сгәы дҭашәеит!..
***
Сгәы ҭынчым, сгәы ҭынчым, измааноу
сыздыруам,
Сгәы ҭынчым иахьак…
Зегь знырша, зегь зҳәаша, акгьы рныруам,
Итәоуп рҽыԥхьак…

Адгьыл иазымҳәо, ажәҩангьы иазымгәаӷьуа,
Аԥша ишьҭнаԥааит маӡак…
Иарбану иаҳзымхо, иарбану ҳкыдзҟьауа,
Ҳаахәыцпи хәыҷӡак…
Ҳаԥсадгьыл хазына еиҭах еиқәдырхарцаз,
Ирыҵазҳәои, ршьоу?..
Уи ацәцеиԥш иԥыххаан ихәашхәаша имцарцаз,
Ибзиан ихьчоу?..
Сгәы ҭынчым, сгәы ҭынчым, избан,
измааноузеи,
Зегь ҭынчӡа иантәоу…
Уи аԥшқа дзырҵәуои, аҵәы дзахоузеи,
Изыԥшу хьанҭацәоу?..
***
Ҳарҭ ҳаиԥырҵит уажә аамҭала,
Ҳгәы зырҟәандоз жәа мҳәаӡакәа.
Ҳаилибакааит ус лакҭала,
Ҳгәала аҟынӡа ҳамнаӡакәа…
Иааиуеит аамҭа, ҳанеиқәшәаша,
Уи шыхарамгьы аадыруеит…
Аха ҳгәала ахьаҳҵәахыша,
Ахьаҳзымдыруа-ҳаруаҭыруеит…

***
Уи сиԥыларц, схы саиааироуп,
Сыгәгьы иҭаҵәҟьоу асмырҳәароуп!..
Схьаа снымԥшырц, снеиааироуп,
Зегьы срызхәыцроуп, сыҽсмрыххароуп…

Уи илшаша сазымҵааӡакәа,
Сеиҭеицхраап, ихы еиқәирхозар…
Иара иҟынӡа смылбааӡакәа,
Сара сҟынӡа дсызхагалозар!..
***
Закә аамҭозеи ҳазҭашәаз?!
Цқьа иҳаздыруам ҳахьаго,
Сеидру ҳамҩақәа зрыбго,
Мамзаргь ҳгәырҩа иҽарго,
Ҳхьаа иҽаваикт иҳацәшәаз!..
Закә аамҭозеи ҳазҭашәаз?!
Араҵлеиԥш, дарбан ҳазрышәшәаз?!
Ҳдацқәа шыӷәӷәо имбаӡеи?!
Ҳхьаа аҟынӡа дымнаӡеи,
Уи шхьанҭыџьыз изымдырӡеи,
Ашәиҭышәи измырҵысӡеи,
Араҵлеиԥш, дарбан ҳазрышәшәаз?!
Дзакә уаҩузеи иҳазкашәаз?!
Уи ҳаиликаару ишахәҭоу?..
Ишәарҭам абџьар зыҭра иҭоу,
Аха умҩа анлакьҭоу,
Агәҽанызаара шхәарҭоу,
Цқьа идырру иҳазкашәаз?!

***
Иацы умҩақәа ҭшәацәан,
Уи дануцхраа, укәараҵеит!..
Иац уеидара хьанҭацәан,
Ианумида, уԥырны уцеит!..

Аарла дгылоуп иаргь иахьа,
Аха дышгәаҟуаз умбаӡеит…
Дахьзумыхәо азы ҩаԥхьа,
Гәниган, иԥсы иӡаӡеит…
Уи зегь гәауҭауан уара,
Аха думбазшәаҵәҟьа ҟауҵеит…
Аҳақ уацәымшәаӡеит уара,
Уи уахыкәшаны уцеит!..
Зегьы ирымоуп рлахьынҵа,
Уи хыхьынтәи аӡәы ибоит…
Ашьацҳәеиԥш уаҿыԥан уанацәца,
Уаагәырӷьацәеит, хланҵы уагоит…
***
Сызхьымӡаз саҟәыҵит, шьҭа скарахеит,
скараха,
Схы злазжьаша схәыцит, зегь схарахеит,
исхараха…
Қәра дуӡӡакгьы схымҵит, аха сахьымӡеит
ахалаха,
Ианаму сацрыҵит, ма исоуааит аҭалаха!..
Шьха дуӡӡак ихало, мышкызны дылбаароуп,
Уа илаԥш зыдхало, ихамышҭуа ибароуп…
Ишԥазуеи, ишԥазуеи, сымтәароуп, сымтәароуп,
Мышкызн… Сыздыруам… Сымԥсуазар…
Сахьӡароуп…
***
Уаҟәымҵын, уаҟәымҵын, сгәы,
аҳәҳәара уаҟәымҵын,
Урҭ рҟынӡа имнеир ҟалаӡом уара убжьы…

Урцрымҵын, урцрымҵын, урҭ
рашҭагьы уҭымҵын,
Уцәырҵла, иаҭахызар, хәылԥазы, ма шьыжьы…
Убжьы зырмаҳарызеи, уи адунеи ду иазноуп,
Аҵәҵәабжьеиԥш рлымҳа иҭҩлааит аамҭа
ианаҭаххо…
Ргәы ҭынчхар ҟалом, уи ашша ықәлоит
иаразнак,
Нас, иҟам уи ашшаҟара зыцҟьара цәгьахо!..

***
Иануҿаччо аҟара ианшәарҭо ыҟаӡам,
Урҭ рыччаԥшь иалоуп рышҳам узго…
Рыбзиара изаҵәахӡом рыцәгьара иҟарҵаз,
Уи аҽыҵәахны иныҟәоит аӡыхьқәа ҭарбо…
Угәуҽаныз, аҩыза, урҭ ауаа рҽеиҭаркхьеит,
Амаҭ еиԥш иаразнак ирыԥсаххьеит рцәа!..
Сара уара иуабжьоугьы акыр исеиҩаӡеит,
Аха сырзахамырҵәиит ишубо рнацәа!..
Есымша угәы аркны узланыҟәари усгьы,
Аха знык иануцәҭала, идыр, ирҟьашьуеит…
Уара ухәыҷым, мшәан, шьҭа иудыруеит уусгьы,
Асаранџь хаауп, аха ацхаҟәа алазар уашьуеит!..
***
Ари амшгьы сара истәымызт, исыцәцеит,
Сыҩуа сшашьҭаз, ишсызнымкылаз сымӡеит…
Ариабжьарак, шаҟамш сцәыбналаз сыԥхьаӡеит,
Ԥыҭк сымпыҵҵәрааит, ҽа ԥыҭк
аарлаҳәа срыхьӡеит…

Шьҭа сырцәажәу, урҭ сшьаҿеихгашьа ргәаԥхом,
Саргьы еилыскаауеит, саргьы уаҳа сгәы
рзынхом…
Ҽҳәарас иамои, амшгьы анааилахәла иҭахоит,
Анцәа исиҭаз, са мышкызаҵәык сызхоит…
***
Аԥсҭазаара ӡырҩаш скыдҟьо сагоит,
Уи алу иаҩызоуп, иаахәлаанӡа илагоит…
Аиаша аацәырҵыр, иаразнак ирхәаҽуеит,
Аха ашьаҭа рзыҵхуам, еиҭах ирцәиуеит!..
Сышьҭыԥаан сназго иӷәӷәаӡоу цәқәырԥақәоуп,
Урҭ зхылҵыз ажәҩан иланашьҭыз ақәоуп…
Нахьхьиӡа аԥсҭҳәа, абӷьеиԥш иҵысҵысуа,
Сгәы снамырхьырц исцәырӡоит аиаша
аныԥсуа…
***
Исцәылгеит, исцәылгеит, сгәы ыҟаӡам шьҭа,
Иҟалап сҭалмырԥшыргьы уаҳа уи алакҭа…
Скаужьма, скаужьма, уи сашьҭоуп сҵаауа,
Мҩахәасҭоуп, мҩадууп, сцоит сыԥшаауа…
Иабыкәу, иабаҵәаху, уи ашьҭа збару,
Ма знызаҵәык шьыри, алакҭа сызҭаԥшру?!
Цҳазаҵәык ыҟоуп, амаакырагь еибгоуп,
Мҩазаҵәык ыҟоуп, уи лгәы иҭыган игоуп!..
Исцәылгеит, исцәылгеит, шьҭа баша сеимдоит,
Ибжьамӡыргьы алшоит, сгәы зныхгьы
исырдоит…
Аха уи зегь еижьагоуп, иабаҟоу, исшәырба,
Знык ауп ианышьҭасуа, џьым, ахьшьыцба!..
Ииҭахыз зегь, рҿиҵааӡазшәа,
Их ду беиашәа ибеит!..

Аха дрышьҭуазма ус дыштәҩасуаз,
Аҵаа дәықәлеит, иқәацеит…
Зегь рзыҳәан аԥша анасуаз,
Иаргьы даашьҭԥааны дагеит!..
***
Заа дазхәыцхьан, заа ишьҭиххьан, иӡбахьан,
Заа идыруан урҭ зегь шааигоз инапаҿы…
Жәлар еиҩызшоз иара иакәымшәа иҳәахьан,
Урҭ ҭыԥ шрымамыз дирдырхьан игәаҿы…
Аха аҵыхәтәан зегь ицәаатит, зегь ааԥшит,
Еиқәирҽаҽоз имцқәа абанӡаигоз, ихьӡеит…
Уи дзыхьчодаз, иара изыҳәан лакгьы мшит,
Дзықәдыргылаз, аҵаа агәҭаҵәҟьагьы
ицәшьеит!..
Ус ауп ажәлар, урҭ ахаан зынӡа иузжьаӡом,
Дара ирцәуҵәахуа, мышкы, ҩымышгьы
иуӡоит…
Аха урҭ рыгәнаҳа, ашәиҭышәгьы иузгаӡом,
Убӷа еиҵухаанӡа иареиџьуеит, иухьӡоит…
***
Ирҳәаз шәаҟәыҵ, уи рхашҭхьеит даргьы,
Шәзықәдыргәыӷыз, аԥсҳәа иаҩызоуп, ицеит…
Араҟа аӡы шәҭахыст џьым зегьы,
Шәара шәнапала шьоук рыԥсаҭа ҟашәҵеит!..
Шәара ишәышьҭада, урҭ русқәа рацәоуп,
Зегьы ирыхьӡароуп уа итәанаҵы!..
Згәаҵәа еилысыз дааныркылт. – Уццакцәоуп!..
Иаргьы деиԥхьхәыцит нас, акранҵы…

Ех, аԥсҭазаара, уа уеилкаара цәгьоуп,
Дахоуҵоит, дахухуеит ауаҩ рыцҳа аҵәы…
Шьоук ҭыԥ дук роуаанӡа ибзиоуп, ицқьоуп,
Иаароуит, аҟаб еиԥш, иԥҵәауеит рыхәҵәы…

ЗБЫЗШӘА ЗЗЫМДЫРУА ШӘАХЬ…
Аамҭа цар, ижәбоит уи насшәа,
Ада ԥсыхәа шәмоуа шәҟалоит…
Шәара ишәаҭәашәымшьо аԥсшәа,
Аԥсны зехьынџьара ирҳәалоит!..
Шәыхчы инаҵаҵан шәыздәылҵуам,
Шәгәы ишәызҭыцом, иҳәацәалоит…
Аԥсшәа, амреиԥш заа ихыҵуам,
Аԥсны зехьынџьара ирҳәалоит!..
Шәымҩа зырааигәо иаракәзар,
Лаԥшыцәгьак шәаҩго шәагалоит…
Саргьы ихасҵозма мшәа илакәзар,
Аԥсны зехьынџьара ирҳәалоит!..
Ҳашьха дуқәа уи рбызшәазар,
Амшынгьы анцәажәо игазгалоит…
Акаԥкаԥҵәҟьа амҵәыжәҩа арышәшәазар,
Аԥсны зехьынџьара ирҳәалоит!..
Аамҭа цар, уи гәныжәгоит насшәа,
Шәхы-шәгәы шәыкәаҽ шәаатәалоит.
Аџь-ҵла гәаԥшьеиԥш, иӷәӷәоу аԥсшәа,
Аԥсны зехьынџьара ирҳәалоит!..

АӠЫ МЛЕИКӘА…
Ҳара игәнааго, ҳара иаҳхьаау,
Дара ирхьаам зынӡагьы…
Маҷк игәиану, маҷк изаау,
Урҭ азымхәыцӡацт аӡәгьы…
Аҵысхш рыгым, зегьы рымоуп,
Аха акызаҵәык рцәынхеит…
Ҽа шьоук рҿы ауаҩра аԥшәымоуп,
Дара рҿы идәылцоуп, имыцхәхеит…
Нас уазхәыцыр, хьаа иаргәамҵуам,
Гәҭыха рымам игәырҩартә…
Џьара изцәажәом, ражәа акалҵуам,
Уахь ирԥымлеит рдырҩатә!..
Рыԥсы ҭагәышьоуп рхазыҳәан,
Атәыла бгозаргь хьаас иркуам…
Нас изруҭари ҽыԥныҳәа,
Аӡы млеикәа – иазгом агәам!..

***
Ашьапы кьаҿуп рҳәеит амц,
Уи ахара изымцаӡозаап!..
Аиашагьы ӷәӷәаны иангәамҵ,
Шьаҿак азыҟамҵо иартәаӡозаап!..
Иузыԥшаауам, изҵоу хчуп,
Иаҵумхуазар, арахь мчыла!
Мшәан, ҳаԥсадгьылгьы хәыҷуп,
Иакәшауазаап, шьаҿахәыҷыла!
Еивасны ицоижьҭеи акырҵуеит,
Ауаа ҟәышқәа гылоуп игәаҭеиуа…

Иахьак урҭ амыцхә ишәауеит,
Ирыздыруам аԥхьа ирыцәнеиуа…
***
Усзымҵаан, аҩыза, изеиқәуи ҳәа улахь,
Иҟалап иҭынчразар даара уа утәылахь,
Са сҟын даҽакӡоуп…
Аиашеи амци еиҵагьежьны ианықәԥо,
Ииааиуа са стәоуп ҳәа ҳракырак уанықәтәо,
Зынӡа игаӡароуп!..
Ишәарҭоуп аҟәышқәа рыбжьы анрызҭымго,
Ҳхәышҭаара зырцәо шьоукы ианраԥырго,
Ианааигәацәоу ахықә…
Ҳаԥсадгьыл хазына ашьабсҭеиԥш ианыԥшӡо,
Агәы ҵзыблаауа, ргәы иҭоу ак рынмырԥшӡо,
Иузыԥшаару уҭыԥ?..
***
Аамҭа иацныҟәо дызусҭа?
Аиаша дашьҭам, давагылеит…
Уи иҵахьазаап зегь рҿышәҭа,
Ацәгьеи абзиеи еиԥшны дырԥылеит..
Аамҭа изацымныҟәаз дарбан?!
Уи иламыс изкамыжьит…
Зегь иреиӷьыз ҭыԥкаҿ днарган,
Имч шақәхозгьы, иаанижьит…
Абзиеи ацәгьеи анеиҿагыло,
Анцәа ацҳақәа рызхиҵоит…
Руа иарбан ауҩы дызқәыло,
Уи заа илахь изаниҵоит…

***
Уи имҵәыжәҩа хара дашьҭит,
Аха данылбаа-ихырххьан ицҳа!..
Аҭыԥ анирҭа зегь ихашҭит,
Ихгьы ихашҭит иара рыцҳа!..
***
Уи дысзеилымкааит дзакәыҵәҟьаз,
Зны сгәы дҭаршәуп, зны дсыцәҭыԥоит!..
Лара данызба амца ихәыҵҟьаз,
Зны еиԥхьылшьшьаауеит, зны илырцәоит!..
***
Уажә азыҳәан саҭамыз, слира,
Шьҭа ҽа ӡиасык схылоит…
Аб дшазыԥшуеиԥш аԥа иира,
Прозатә ҩымҭак саԥыххылоит!..
***
Аӡы дырхәашьуеит џьоукы,
Нас иазыԥшуеит хыхь ихыло…
«Аҳы, шәзыԥшузеи, иреиҳау шәкы!»
Ҿиҭуеит дгәырӷьан раԥхьа игыло!..
Џьоукы, имхәыцуа хара,
Аӡырҩаш иԥан рыҽҭадыршәуеит…
Урҭ зҿу шиашам рбоит ара,
Аха баша аӡы ддыржәуеит!..
Шьоук аиаша зынӡа ирбаӡом,
Шьоук агьамагьы рхашҭхьеит!..
Шьоук зегь ирҳәо агәра ргаӡом,
Шьоук быбышӡа амц хаа иаршәҭхьеит!..

Заа иддырҳәоит аиаша ахкы,
Зынӡа ишхәыҷқәоу, ишгароу агара!..
Аха аӡы андырхәашьцәо шьоукы,
Еихәлачыр алшоит ҳаӡлагара!..
***
Шьоук шзахәоз аԥхьаҟа еихеит
Хьаасгьы дрымамкәа аӡәгьы…
Зыҽзырҟәышуа рацәаҩхеит,
Урҭ ҟәышзар – ҳаиӷьымхоз ҳаргьы!..
Аҭыԥқәа абаҟаху, иршеит,
Еиҵырхт, еиҵарцалеит зынгьы…
Иҟәышмыз дрыдырцеит, ддыршәеит,
Урҭ ҟәышзар – ҳаиӷьымхоз ҳаргьы!..
Рхәыцшьа иақәымшәо рҭахым,
Зынӡа ианырҵаӡом ихәгьы!..
Иҟәышым – аӡәгьы рҩнгьы дахым,
Урҭ ҟәышзар – ҳаиӷьымхоз ҳаргьы!..
Аӡәгьы датәарбаӡом зынӡа,
Арахь иԥжәондаз дара рыхгьы!..
Аҟәышцәа иреиԥхыӡуеит имӡа,
Урҭ ҟәышзар – ҳаиӷьымхоз ҳаргьы!..
Исашәҳә, издыруада ҳахьцо,
Ҳамҩа ицәҩашьеит Анцәагьы!..
Рҽырҟәышшәа ацәажәашьа ҳзырҵо,
Цқьа иҟәышзар – ҳаиӷьымхоз ҳаргьы!..
***
Ҭынч сыштәаз, сыгәҭыхақәа аакылсит,
Аҩыџьбареиԥш, иаразнак иаасылсит…
Уеиҭамҵын, рҳәан, ҭыԥкаҿ саадырсит…

Ишәҭахузеи, ҳәа усгьы сырзымҵааит,
Мамзаргь заа сырԥылан исызҭымҵааит,
Ирылшозар, исзеиӷьу ак рхәыцааит!..
Уаҳа умԥсит, ахаҳәеиԥшҵәҟьа ихьшәашәан,
Рыла сдырбеит: «Ҿумҭын, умцәажәан!»
Саргьы сааҭгылт, иаразнакы сааиҭашәан…
Ус аԥырқьҳәа, амца насыцралеит,
Сыгәҭыхақәа мҵәыжәҩахеит, сыхиаалеит,
Аӡыркәи еиԥш, амца аныск, иснаалеит!..
***
Ус сеилабымган бара,
Адәы савабмыжьын схала!
Сара исылшауеит бзыԥшра,
Нас бысԥылозар лыԥхала!..
Зынӡа бацәымшәаӡои сбылра,
Хара иԥар ҳәа са сымца?!
Иҟалоит ибзымгозар сыгәра,
Аха бааныжьҵәҟьаны санзымца,
Идыр, мчык сыцуп сызмышьҭуа,
Сҿазҳәо, иԥымҵәаӡо зынџьыруп…
Ааԥын анҵәамҭаӡаз ишәҭуа,
Ашәҭгьы зыршәҭуа ак шыҟоу дыруп!..
***
Зны иааигәоушәа, зны ихароушәа,
Зны итәаӡоушәа имыццакӡо…
Зны иааскьоушәа, зны имнаскьоушәа,
Зны иԥырӡоушәа икәараҵо…

Ҭыԥк зазымԥшааз сыздыруам,
Избом, сашьҭоуп иара ахьца!..
Сааигәа ишыҟоу зынӡа исныруам,
Схагәҭа ианҷаблоу слахьынҵа!..
***
Ибзиоуп, иаҳзымдыруа рацәаз,
Адунеи шеиҿартәу цәгьаӡазаап!..
Шәара ицәырыжәгаз нцәас,
Уажәык амц мыжда иҳәацәазаап!..
Уажәшьҭа уи зегь шәа ишәҵәахла,
Ахәа ақәшәыԥса, имааԥшыроуп!..
Шьыжьла, шьыбжьонла, ма ҵыхла,
Ишәцәыҵымҵыкәа аҵыхәа шәкыроуп!..
Аха ишәцәыҵԥраар акалаҭ,
Есс, ишәцәыбналоит шәзахьӡома?!
Амц аӡыхәашь еиԥш имшаҭ,
Ҳиаша рыцҳа хнаҩаӡома?!
Шьҭа данбацәырҵуеи ҽаӡәы,
Зусгьы, зажәагь рыгәра аагаша?!
Иахьа ҳаԥшып, ҳаԥшып уаҵәы,
Аха ҳгәы ҳажьозар баша?!
Аԥсны иамоуп аразҟы,
Ԥхьаҟа ҳажәлар абзиа рқәашьуп…
Дзыӷьацашам ҳамҩа зҟыз,
Ҽаӡә даацәырҵып, дзықәтәоу рашьуп!..
Уи амц иаабӡом зынӡак,
Уи иҭахым ихазгьы аҳра!..
Убри ҳалигоит мцак,
Убри ҳаҿигоит ицәгьоу ахра!..

АҴХ СЗЕИХСУАМ!..
«–Наҟ иушьыроуп, уабџьар уаҵх,
Иҟәадоуп!»
Аха исызԥымҽит, џьым, ари аҵх,
Икәадоуп!..
Уахак слымҳаҿ бжьык ҳәҳәоит,
Сеилаго…
Зных зынџьырла сҿанаҳәоит,
Санацәцо…
Изыхсырҟьозеи, аҵх ҵәцоуп,
Иԥшӡаӡа?!
Гәырҩак амам, зегь ахцоуп,
Хараӡа…
Шьоук рыԥхыӡқәа уа иаанкылоуп,
Маӡа…
Амыҵмыџь арыцеиԥш, уи иагәылоуп,
Ихааӡа!..
Нас исымои сара илакьысшьас,
Амаалықь?!
Ма ах иазымгаз, уи иалоу ԥызшәаз,
Ацыблыкь…
Сасцәа дахьқәан жәҩан иаҭоушәа,
Еҵәаџьаа ԥшӡоуп!
Зны акәымжә иақәу ҳәынҵәрақәоушәа,
Еилаԥсоуп!
…Уи ацгәеиқәаҵәеиԥш, исзыргәыбзыӷуам,
Исзышьышьуам…
Аха усгьы аҵх сзеихсуам,
Аҵх сызшьуам!..

***
Ба баасԥырҵит, акы сцәыӡызшәа саанхоит,
Исҳәо сақәшәом, изуа сақәшәом,
сџьашьатәхоит…
Аҩныҟа сдәықәлоит, мчыла сшыргогьы
сшьапқәа,
Сшарбааӡоугьы, уссгьы исымам сара ақәа!..
Баргьы хьаас акгьы бымамшәа ҟабҵоит,
Бызмырҭынчуа, егьахкы ыҟоуп, аха ибӡоит…
Беиҭасаҩсуеит, сгәабымҭоушәа бхы ларҟәны,
Ас бсымбацызт, быԥхашьаҵәҟьо сара сҟны…
Нас ишԥааури, имаӡазааит, иҳамҳәап,
Ҳагәқәа еибырҳәо, дара рхала ирзынхап…
Аха мышкызны, акы иазааины, ак рыӡбар,
Цәырмҵшьа ҳамам, идҳарбароуп ҳа ҳхабар!..
Нас убраанӡа, ишыцәгьаӡоугьы иааҳачҳап,
Са сышларгьы, бара иҵегь бҭыԥҳахап!..
Сеигәышә ахьҭаҳауа, иҭасыжьуам сеихагьы,
Ба банышәҭуа, са сыҷкәынхоит еиҳагьы!..
***
Ицәыргатәызгьы, ицәыргатәымзгьы
зегьы рҳәеит,
Урҭ еибархәашьт, егьа иазыԥшызаргьы
имзеит!..
Зегь зышьҭаз, шьҭа аиаша абаҟоу, ҵаҟа ицеит,
Уи анрымԥыхьамшәа, иара ахаҭыԥан амц
ҳдырбеит!..
Аха наҟ-наҟ ҳара уи алаҵәҟьа ҳзынхару,
Ҳашьцыланы, иара иашоушәа аабару?!
Наҟ ҳаԥырҵып, ҳаҩны иаԥшәымахоит мамзар,
Аиашагь ҳзыԥшаауам, аӡы идырхәашьыз мзар…

***
Ҳаҟәыҵп, иҳамҳәап, уи абаҩхатәра шимам,
Ҳаҟәыҵп, иҳамҳәап, дышуаҩымгьы зынӡа…
Дыбзиоуп ианиҭаху, ихазгьы дарымам,
Ауаа иандырбатәу, дшыртәатәу аханӡа!..
Абаҩхатәра шилам иамҳәакәа ҳшааиуаз,
Дышуаҩымгьы шаҳӡоз ауаарҿы есымша; –
«Ижәдыруазааит дшыҟам, исеиӷьу, ма исиааиуа,
Ижәбома иахьыҟоу, абар, са сылша!..»
Иаабо закәызеи, ицәыруго акгьыҟам,
Уи иҿы ахаангьы узҭаԥшуам
абаҩхатәра алакҭа!..
Ианаамҭаз дышьҭызҭгьы дахьынтәааз аҩныҟа,
Асаба икаирчыз еиқәтәахьазаарын шьҭа!..
Анцәа иԥааимбарцәеи агьангьаши
Шаҟа цәа ихарԥаз рдыруан,
Игьежьуан ианихырхуаз рыблахац!..
Цәазаҵәыкаҿ ианааи, иаангылан,
Ахьҭа дамкырц, деиқәдырхарц;
«–Ах, ауаҩ рыцҳа, шьҭа умгәаҭеиӡан,
Уажәшьҭа цәак ада ухаӡам!..»
«–Ижәмуӡозар, убригь шәамеигӡан,
Иазысҭахузеи, сара истәӡам!..»
Акәыз џьыршьан аԥааимбарцәа,
Ауаҩы даарыцҳаршьан цәгьаӡа,
Аԥсны иҟоуп, рҳәеит, ахацәа,
Зхы иамеигӡауа зынӡа!..
Нас рымҵәыжәҩақәа ааиҵырхит,
Ажәабжь иарҳәарц рынцәа ду…
Ԥыҭк инеихьан, рҿы рзеихымхит,
Ҳашьа рзамҭеит, иҳәатәу!..

Анцәа дуӡӡа русқәа иаарҟәыхны,
Иԥааибарцәа ҵаҟа иртәеит…
Урҭ руаӡәк ицәа ааихыхны,
Ауаҩы гьангьаш иӡеит!..
***
Аԥсҭазаара, абас сызургәаҟуеи уара,
Скыдцалан сумоуп есымша…
Зны аӷьырԥҳәа исоуҳәоит ишааиз сыҿҳәара,
Сҩызцәагь снарылугоит стәымшәа…
Издыруада иааигәазар зынӡак сыҿҳәара,
Зҿаазхаз аӡыхәашь сагозар…
Усҟан иабасҭаху, уаҟәыҵ срыҽхәара,
Изакәызаалак бзеирак сымбозар…
Шаҟантә исурдырхьои ишааигәоу ахықә,
Улаԥшгьы знеиуам уи аҵаҿ…
Издыруеит, ууал ӷәӷәақәа сықәуп, исықә,
Урҭ зегь иҿыркаауеит сгәаҵа…
Адунеи даҽазнык исурбашам санца,
Мракгьы алакҭаҵәҟьа сҭаԥшышам…
Ас сзырпатозеи, исыхьзеи ахца,
Уаҩы симбаӡакәа саршышма?!
Зны аҽҵыс еиԥш сызхара исызбомзт удәы,
Ушьха кьышә-кьышәра саҿалон…
Ажәеиԥшьаа дысхылаԥшны, сгәы зегь рҭәны,
Сҽырԥа-ҽырԥо ахланҵ сынҭалон…
Аԥсҭазаара, егьа иурҭшәаӡаргьы умацәаз,
Ушысҭаху удыруаз, сузгәамҵуам…
Алу саҩызоуп, аӡӷьыра зымҵәаз,
Сџыџӡа саангылеит, сеиҭаҵуам!..

***
Мчык ыҟоуп, иқәацаӡом,
Уи унырлоит иумбаӡакәа…
Шьаҿак иуԥыршәан ицаӡом,
Иуацәажәоит, ажәак мҳәаӡакәа!..
Уаргьы ихоуҵоит аҳәатәы,
Ишыҟам шудыругь иуиааиуа…
Аха иугароуп уԥсгатәы,
Уи аҽырцәгьан ианузааиуа…
Уара баша агәра угаӡом,
Уиешьара зегьы иртәышьҭроуп…
Мчык ыҟоуп, иубаӡом,
Узқәа икыдыхәмарло иушьҭоуп!
***
Ах, уи аӡӷаб дыԥшӡаӡа,
Дышԥаацәырҵуаз сара сҿаԥхьа!
Уи слырҭынчуамызт зынӡа,
Сыла иххалон лара лсахьа…
Уажә дабаҟаху, дцахьеит,
Лразҟы ахараӡа дашьҭит…
Саргьы уиижьҭеи сеиқәтәахьеит,
Ахаа агьамеиԥш, дысхашҭит…
***
Ба быхшыҩ ауп, ба быхшыҩ ауп, зыгәра бго,
Уи бшарҟьало, уи бшарҩашьоу ббаӡом!..
Бгәы базхәыцыр, уи дадыруеит ибықәнаго,
Аха иазыбуеи, уи зынӡак агәра бгаӡом!..
Ба быхшыҩ ауп, ба быхшыҩ ауп, са исаӷоу,
Есымша избыцуи, иҟалозар аҩны иаартәа!..

Ус сҳәеит ҳәа, хшыҩда дныҟәалааит ҳаӷоу,
Агәра бгозар, са стәы ҳныҟәнагааит сынтәа!..
***
Мчыла исҳәахуан, уи дысхасрышҭуеит сара,
Сзылԥырхагахои, уи лынасыԥ лыԥшаап…
Аха сналԥырҵт, еиҳагьы салагоит лызгәыкра,
Баша сгәыӷуан, уи амца ыцәап, ма иҭаап…
Нас исхарои, нас исхарои шәа сыжәбоит,
Уи сгәы дҭамлартә иҵарҟацан ашә сзаркуам…
Лара дыӡӷабуп, лара дссируп, лара дҽырбоит,
Иҿыхны илыршәхьеит сгәы иаҿаршәыз
абырқәам!..
***
Ҭагалан, ҭагалан, са сҟынӡагь уааскьеит,
Аҵлақәа рыбӷьқәа зегь рҿухит…
Ахьҭагь ацқәеиқәаҵәеиԥш икьууа иаатәеит,
Аҳауагь аҟәандара ашәухит…
Ҭагалан, ҭагалан, зегь сцәугар ҟалоит,
Мап кышьа шсымам удыруеит…
Уи лыччаԥшь сызуҭом, уи сарԥхалоит,
Уи сгәаҵаҿ ахьеиԥш ицырцыруеит…
Ҭагалан, ҭагалан, бзиа узбоит,
Исуҭои исцәугои еиҟрамзар…
Исараӡа, исараӡа, маҷк сааҽырбоит,
Уҵәҩан-ҵар аԥынҵа сахамзар?!

САЖӘЕИНРААЛАҚӘА ИРМУӠЕИТ!..
Зынӡа сыбԥырҵыр сҭахын,
Сыҩуа агәашә аҟны снаӡеит.
Аха ихьу-сууа инасԥыххын,
Сажәеинраалақәа ирмуӡеит!..
Ҽаӡәы биҿаччон иӷәӷәаны,
Сара хьаасгьы сбымкӡеит…
Сцон, убригь насзырханы,
Сажәеинраалақәа ирмуӡеит!..
Зегьы ишырбоз иаахтны,
Шьҭа егьшаҳзеилам сымҳәаӡеит…
Исҭахын, бхала баарԥшны,
Сажәеинраалақәа ирмуӡеит!..
Сышәҭқәа аанхеит иканӡаны,
Ба ибызназгоз дҟамлаӡеит…
Саргьы исызбымҭеит сбыхьӡаны,
Сажәеинраалақәа ирмуӡеит!..
Зны исҭахуп ба бҿы сҽырбар,
Ҽа зных сыбԥырҵырцгьы сыӡбеит…
Аха былабжыш рбан,
Сажәеинраалақәа ирмуӡеит!..
***
Издыруеит мышкызны бареи сареи ҳшеиқәшәо,
Егьа аамҭа царгьы…
Баша ибырцәгьоит иахьа бара блеишәа,
Уажәнатә базхәыцла ҳанасыԥ ҽеишәа,
Бгәы ҽак аҳәаргьы…
Дыбцәажәуеит ҳәа базҳәо аӡә игәра бымгароуп,
Исымаӡам ажәха!..

Бара банаацәырҵ, арԥысҵас сҽырбароуп,
Ҳаи, абри аҷкәын, дызусҭа ҳәа иҵаароуп;«Ихьӡ ҳлымҳа иҭашәҳәа!»
Баргьы бымӡыҭыҵәҟьаргьы, маҷк
быԥхашьароуп,
Алаԥшқәа быкәшоит!..
Бан ак заҩымшәо, сыхә цқьа илшьароуп,
Бабгьы ибмырҳәароуп, «Иахьа иҳамшшьароуп!»
Ҳандәықәымла иҳақәшоит!..
Издыруеит мышкызны бмапқәа бшырхыԥо,
Ахҵысҭеиԥш быркьымскәа!..
Аҽыкәаша ашьапышьҭыбжьеиԥш, сгәы
ҭыԥа-ҭыԥо,
Сыбцәымҩашьааит уа, цқьа бсыхәаԥш саныббо,
Сбылуам бымца схьымскәа!..
***
Иахьагь амш ҷаԥшьӡа игәылшәеит,
Напы мыӡәӡәа иузкрым!..
Сҩыза имукәа еиҭах сгәы ԥижәеит,
Игәахәит, усгьы акгьы иҳәарым…
Сара уи агәаӷгьы аӡӷьеиԥш сырит,
Уаҵәҟьа сиацәажәт сгәы нханы.
Сыҳалалра шынҵәоз исырдырит,
Иара иатәамбара аханы!..
***
Џьым, аԥсҭазаара хьанҭаҵәҟьоуп,
Зшьамх инанаго қәԥауеит…
Уацәымшәароуп, аԥсра алакҭаҵәҟьа,
Уанымеиҭаԥ, уи хынҳәуеит!..
Идыр, аԥсҭазаараҵәҟьа лакәӡам,

Зны иҿыхаауп, зны иашоуп…
Иӷәӷәоу, ахаан икамҳац иакәӡам,
Иӷәӷәоу, ианкаҳа игылаз иоуп!..
***
Усоуп, аиаша есымша еиԥшӡам,
Иахьынӡахәҭоу агәаӷьгьы изагәылҵуам…
Ицәырыргар алшоит маҷк ианыԥшӡам,
Ицәырумгар ауама, иуцрыҵӡом!..
Абри ауп сара сиаша! Дыҳәҳәеит,
Ижәбома, илашеит уи алакҭа…
Уи ииаша цәыригеит, иҳәеит,
Аха ижыр еиӷьын наҟ еиҭа!..

***
Бысхасрышҭит, бысгәалашәом, бысҵәахит,
Сгәаҵа бҭаршәуп, егьырҭ рылаԥшқәа сырхит,
Баанхеит бхала…
Бысҿалашоит, сыбла бхыҵуам, ибымуит,
Сшьапқәа аангылом, бышҟа
сдәықәыргалт, иԥрит,
Ируам ҽакала…
Нас ишԥазуеи, нас ишԥаҟасҵои сара,
Ба баҿызар ашьшьышьшьыҳәа сбылра,
Исықәԥсоуп бкәицқәа…
Ах, абзиабара, ах, усмеигӡаӡеит еиҭа,
Улеишәа шԥацәгьоу, зынӡа сҭоуцалеит ахҭа,
Цқьа умицкәа!..

***
Уаҟәыҵ, иудыруашәа иааиԥмырҟьакәа аҽхәара,
Ихароума, ма иааигәаҵәҟьома уҿҳәара?!
Зынӡа имаҷӡам, иагьрацәамзаргь узыхьӡаз,
Цқьа иуҵмыԥшит, убриак шакәызгьы узҿӡаз…
Нас зегь ииҭоума иара ишиҭаху анцәагьы,
Баша имҳәааит, уи аҩыза дақәымшәацт
аӡәгьы…
Узхыҽхәаша, о, ҳузжьом зынӡа ирацәам,
Ишԥауури, улахьынҵа мыжда рыххацәан…
Маҷӡак аҟара уҵашьыцуан, аха егьаурым,
Маҷӡак аҟара уцәгьахәыцуан, аха иаҳҳәарым…
Аамҭа иақәҳажьп, уи уиеиԥш иагьа арҳәазап,
Ухәра ҿнаӡәӡәаап, ма ашша ахьшьушәа
иарыбзап…
Аха уазынхахуеит,ак уаназмыжьуа уара ухы,
Уи иуанаҳәо, иааухнаҟьоит ауп уԥшшәахәы…
Убри узаԥыҟьар, убри уагәаламшәар, унцәоуп,
Аха узаиааиуам, убри зегьы-зегь иреицәоуп…
***
Акгьы џьамшьаӡо са сызлақәлоузеи адунеи,
Ишу саблып, ихьшәашәоу ахьҭа санамыркуеи!..
Уи аԥҳәысгьы, дразӡазшәа лыгәра згеит,
Аха зегь башан, лыгызмалра сылмырбеит…
Исылшоз ала, лара лзы ацхыраара ҟасҵеит,
Даазыҳәоз зегьы, саҵамхакәа инасыгӡеит…

Аха иҵегь, исылымшашаз ахь деихеит,
Илыхәҭаз аҵкыс, даара акырӡа лҭаххеит…
Уи сзахыԥом, уа са саԥсуара еилагоит,
Сыла шааԥшуа, уи сшазхьамҳәуа агәра
лсыргоит…
Уи аԥҳәыс, сара убри ашәымҭаз сылҭиит,
Сыла хтгәышьеит, зегь еилыскаазшәа
еиҭа сиит…
Аӡы алеимҭа, са сахәаҽаанӡа сагалоит,
Уи ахаҳәқәа агәгәаҳәа реинҟьабжь
сарӷәӷәалоит!..

***
Сбымбаӡазааит, нас зынӡак,
Сбымбаӡаз…
Быҽбыргаӡазааит, нас уажәшьҭак,
Быҽбыргаӡаз!...
Егьсымҳәаӡазааит, сара иахьак,
Егьсымҳәаӡаз…
Имыҳәҳәаӡазааит, сыгәгьы хәыҷӡак,
Имыҳәҳәаӡаз…
Иҟамлазар мшәа оумаӡак,
Иҟамлаз…
Бара ибысҭоит, сгәы сзыԥхьак,
Изырҳәацәаз!..
***
Ус ҳаиԥырҵит иахьагьы,
Блакҭа ианымԥшит акала,
Бизыԥшымызшәа аӡәгьы,

Зынӡа ибымамызшәа агәала…
Сара уи зегь збауеит,
Ҳәашьас иасҭои сыгә иадыруа!..
Даҽаӡә бымра изыԥхауеит,
Са шәахәахаак анысныруа…
Зных уи сылахь еиқәнаҵоит,
Зных сымҵәыжәҩақәа еиҵнахуеит!..
Шәахәа хәыҷӡак сарҳәацәоит,
Ишәарҭахаргьы, уи сыҿнахуеит!..
***
Са самырцәеит, самыртәеит,
Иаха исцәыбналаз жәеинраалак…
Зны саблит, зны сарҭәеит,
Зных исацәажәеит бжьы хаала…
Аха сазааигәахан, иԥрит,
Снахьыԥшит ауп уи амҵәыжәҩа…
Ах, самыхәеит иахьа ари,
Зынӡа иҭнаҟьеит сара сыжәҩа!..
Арахь сарҭынчуам уажә акы,
Цәыӡ дук сымоушәа исыцрыхоит…
Иацы исыхәаԥшуаз блакы,
Иӡыз сажәеинраала арҿыхоит!..
***
Бысхасрышҭып сара мчыла,
Быхьыӡ ҭасҵәахып, изӡап…
Базгәамҭазшәа зынӡа сыла,
Ԥыҭк иахьыхароу снаӡап!..
Аха мчык арахь исыхоит,
Бааигәа сыҟазарц зҭаху…

Уи самыхәеит, уи сыцәҿыхоит,
Иҩны исцәықәлоит ҳацҳа иху!..
Ак ансыгу, ак ансыхо,
Акы санахәаҽуа абра,
Шьҭа издыруеит сымч зқәымхо,
Бхашҭшьа сымаӡам сара!..
***
Ах, шаҟараантә сгәы ԥжәахьоузеи,
Сымч зқәымхо саҿашәеит…
Ах, шаҟараантә сырхәаҽхьоузеи,
Уажәшьҭа сымчқәагьы сшәеит…
Ишәарҭан амш анмацәысуаз,
Иандыдуазгьы сгәы мцеит…
Зны абзеира шьоук ирзызуаз,
Иахьа ацҳа сзыхнаҵеит!..
***
Уаҳа исҳәом са бзиа бшызбо,
Аӡәгьы иҿаԥхьа игәаӷьны…
Уи сымаӡа сгәы исыцәҭызго,
Исзынрыжьышт нас иахьхәны…
Зынӡа ишәарҭам баргьы ибцәыӡзар,
Уи бгәаҵаҿы аԥсы ҭоуп!..
Ахаҳә иаҵоу хьтәы ԥсыӡзар,
Мышкызны иаҵызго сара соуп!..
***
Уаҳа даасмеигӡеит, уаҳа даасмеигӡеит,
Ахьхьаҳәа диҿаччеит иара!

Цәгьа саагәаҭеиӡеит, цәгьа саагәаҭеиӡеит,
Сахьгылаз саҿын абылра!..
Иаргьы дааԥеиԥеиӡеит, иаргьы дааԥеиԥеиӡеит,
Адунеи абжа ирҭаз џьушьап!..
Ибла ԥхеиԥхеиӡеит, ибла ԥхеиԥхеиӡеит,
Зынӡакгьы дазымхәыцт, сылжьап…
Ех, уи арыцҳа, акада ак издыруам,
Избоит, сара сеиԥш даҿашәеит!..
Лыччаԥшь анаҩыс уаҳа ак иныруам,
Лымпыл иара имба иҭашәеит!
***
Ари аԥсҭазаара са исзымҵеит,
Зны иҟәымшәышәуп, зны иџьбароуп…
Цҳак сацәымшәо исызхымҵеит,
Сызҿу баша лагароуп…
Зны атыша схықәнаргылоит,
Зны акьышәкьышәраҿ сагауеит…
Зны насыԥлашак сԥылоит,
Зны разҟҷышәрак сабауеит…
Егьа ицәгьазаргь уара угәыжәла,
Умч зқәымхауа убоит…
Игәаан аԥсҭазаара анужәла,
Ашьапы уаҵарҟьац уагоит…
***
Зегьы уриааиргьы ара,
Узлаиааиуазеи аԥсра?!
Уи иазышьҭыхыз дагоит,
Уи узацәыбналом, уабоит!..

Зегьы уриааиргьы уара,
Узлаиааиуазеи аԥсра?!
Уи иаԥылаз, имҩа нҵәоит,
Иацәыбналаз, ицҳа ԥҵәоит!..
Зегьы уриааиргьы ара,
Узлаиааирызеи аԥсра?!
Иҟоуп, имыԥсуа, имаӡоу,
Аԥсҭазаара аҵкыс еиҳаӡоу!..
***
Иҟоуп ауаацқьақәа, иҟоуп ауаацқьақәа,
Анцәа илаԥш рхуп есымша!..
Иҟоуп ауаацәгьақәа, иҟоуп ауаацәгьақәа,
Иагәылатәоуп аҩсҭаа ихыԥша!..
Ҩ-мчык адунеи зегь наҟ-ааҟ иеимаркуеит,
Сеидрума, сеидру еиҳа иӷәӷәоу…
Ахәыцрақәа сықәпапан иахьак сыхҭаркуеит,
Адунеи абас ианырххоу…
Рлакҭа уҭадырԥшӡом урҭ ауаацәгьақәа,
Уанырбо зынӡа итәымуаҩуеит…
Ианаҵахогь иҩашьаӡом арҭ ауаацқьақәа,
Акәашымҿеиԥш, кыраамҭа ибылуеит…
***
Бысхасыршҭит шысҳәо иаразнак
баасгәалашәоит,
Былаԥш хаа уаҳа сзацәцом…
Зқьҩык брылазаргь, быххаччо баасҿалашоит,
Шьҭа быда сышхәарҭам сызӡом…
Аха иҟоуп ҳҩыџьагь зхыԥара ҳалымшо,
Вы прочитали 1 текст из Абхазский-Абазинский литературы.
Следующий - Аамҭа иазымҵәахыз - 5
  • Части
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 1
    Общее количество слов 2970
    Общее количество уникальных слов составляет 2091
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 2
    Общее количество слов 3060
    Общее количество уникальных слов составляет 2112
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 3
    Общее количество слов 3094
    Общее количество уникальных слов составляет 2154
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 4
    Общее количество слов 3127
    Общее количество уникальных слов составляет 2135
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 5
    Общее количество слов 3224
    Общее количество уникальных слов составляет 2129
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 6
    Общее количество слов 3144
    Общее количество уникальных слов составляет 2121
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 7
    Общее количество слов 3188
    Общее количество уникальных слов составляет 2189
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов
  • Аамҭа иазымҵәахыз - 8
    Общее количество слов 1435
    Общее количество уникальных слов составляет 1094
    0.0 слов входит в 2000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 5000 наиболее распространенных слов
    0.0 слов входит в 8000 наиболее распространенных слов
    Каждый столб представляет процент слов на 1000 наиболее распространенных слов