Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01
الفاظ کی کل تعداد ہے 3297
منفرد الفاظ کی کل تعداد ہے 2345
0.0 الفاظ 2000 سب سے عام الفاظ میں ہیں
0.0 الفاظ 5000 سب سے عام الفاظ میں ہیں
0.0 الفاظ 8000 سب سے عام الفاظ میں ہیں
Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа 2016
Џьума Аҳәба
ИҨЫМҬАҚӘА РЕИЗГА
Абжьбатәи атом
Аповест
Ажәабжьқәа
Аочеркқәа
Апублицистика
Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа 2016
Аҳәба, Џь. Б.
Иҩымҭақәа реизга. 7-тәи атом. Аԥҳәынҭш
әҟәҭыжьырҭа.
Аҟәа, 2016. – 576 д.
Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Џьума Басариан-иԥа Аҳәба
иҩымҭақәа реизга абжьбатәи атом ианылеит иповест «Аҵысмҩас», ажәабжьқәа, аочеркқәа, апублицистикатә статиақәа.
© Аҳәба Џь. Б., 2016
© Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, 2016
ЗЫЛШАРА ҲӘААДОУ
Ан раԥхьаӡа илыхшаз лысаби усҟак диеигәырӷьарым,
раԥхьаӡа акьыԥхь ианылаз сыстатиа хәыҷы шаҟа сеигәырӷьаз,
убасҟак ҳәаа амамызт сгәырӷьара, насыԥ змоу сара среиӷьны
схы сыԥхьаӡон.
Аҟәа иҭыҵуа, еицырдыруа агазеҭаҿ, сыхьӡ сыжәла
ҿаҿаӡа иаҵаҩны!.. Мҵәыжәҩада аԥырроуп!.. Аха иаарласны, ҩымшгьы мҵыцкәа… Дышԥаҟалои ан, лысаби
аныҟәара дышналагаҵәҟьаз, агәылара днакылсны рыҩны
амца ацреиҵар!? Абас иҳәаадаз агәырӷьарагьы сзаанагеит,
агәыԥжәарагьы сақәнаршәеит раԥхьаӡа акьыԥхь ианылаз
сажәа. Аҭыӡшәа ахылҵит. Иҟалазеи? Исҳәазеи?
Ачаирҭа амаӷ ахыҵәеит. Узалалом, ачаи ҿыхшьа амам.
Арахә ишырҭаху иҭоуп. Еилкаашьа узаҭом, араҟа арахә
ирҳәырҭоу, мамзаргьы ауаа ирусурҭоу.
Иара изкны ари аҩыза иаԥхьаз абригадир, ӷәӷәала дгәааит.
Ачаирҭа саларгыланы, убасҟак дсацәҳаит, сылабжышқәа
хаҟәҟәалеит.
Исҳәаз иашан, аха изаҳауаз аӡәгьы дсыдымгылеит. Сыстатиа изамыԥхьоз саб, сара саирԥхьеит. Даахәыц-хәыцын, ус
ҿааиҭит: «Ауаҩы дызқәыӡша аус ҟауҵеит».
Акыр аныбжьысоуп иҟалаз анеилыскаа. Усҟан адунеи
ианымӡаацызт «ажәларқәа зегьы раб» Сталини Кавказ аԥа
хазына» Бериеи. Ажәак ауаҩы данақәыӡуаз аамҭан.
Сара сзыҳәан ари астатиа хәыҷы раԥхьатәи литературатә
ҵара духеит. Ажәа акыр шалшоз аргама избеит.
Аҵх лашьцараҿы уныҟәозар, улаба нышьҭакшо, ушьапы ахьургыло шгәоумҭара, иазхәыцлатәызаап иуҳәо ажәа,
акьыԥхь иануҵо ажәа. Хырқьиагас исымоу акоуп – ажәа
ианыԥшуеит аамҭа, уи иагьақәыӡбуеит, иагьахьчоит.
Ажәҩан зеиԥшроу амшын ишаныԥшуа еиԥш, ауаҩы
ицәажәашьа ихәыцшьа ианымԥшыр ауам аамҭа, изеиԥшраз
ауаажәларратә ҭагылазаашьа, иарбаныз ауаа зыгәра ргоз,
иарбаныз мап зцәыркуаз, цәгьарас ирыԥхьаӡоз, бзиас иршьоз.
Сара сабиԥара шаҳаҭс иаиуит адунеитәи аҭоурых еиҭак
ра дуӡӡақәа. Иаасгәалашәеит абри еиԥш. Германиа анҳақәлаз
акәын. Аибашьра цон ҳашьхақәа рҿы. Уахык, аҵх каххаа
ианыҟаз, ажәҩан иналаҳбааит афашистцәа рҳаирплан.
Абомбақәа канажьуан. Ақыҭа ианаахыкәшоз иахьӡеит
ҳҳаирплан. Иеихсит. Ҳабла ишабоз амца акит. Уи ахькаҳаз,
сқыҭа акалҭ аҿы иахьагьы уаҩы ибоит аԥҽыхақәа.
Шәышықәсабжа егьаагымхо инабжьысит. Абомбақәа
алажьуа инахылеит еиҭа ҳара ҳажәҩан. Уажәазы даҽа
фашистцәак рҳаирпланқәа, уаанӡа исовет республиказ, уажәы
ҳхазы ҳәынҭқарроуп зҳәаз Қырҭтәыла аҳаирпланқәа. Иара
убри, анемец фашистцәа рҳаирплан ахькаҳаз азааигәара
иаахылоны, иеихсит ԥсынҵры зауша ҳпартизанцәа. Кәыдры
анырцә иахьагьы уаҩы ибоит, уигьы аԥҽыхақәа.
Анцәа игәарԥханы иишаз аҳәынҭқаррақәа рҿы ҩышә
хышә шәышықәса рыҩнуҵҟала иҟамлашаз аиҭакра дуӡӡақәа
ҟалеит сара сызхаанхаз, аҭоурыхтә аамҭа кьаҿ иалагӡаны.
Адунеи зырхыџхыџуаз аҳәынҭқарра ӷәӷәаӡа, аимпериа дуӡӡа
еилаҳаит. Сахаанхеит, зышьҭахь ҳгылоу аҳәынҭқаррақәа
реиқәыԥхьаӡара уалагар, уҩнапык анацәкьарақәа анузымхо.
Акьыԥхь аҿы сцәырҵит, исҳәаз ажәа, акьыԥхь ианылаз, ииашаз ажәа, ауаҩы дақәӡыр аналшоз. Сахаанхеит, узаламныҟәо
ихахьоу аимаажә аҟарагьы ажәа пату анақәым. Ала шуеит,
аҽы ҳәуеит анырҳәо аамҭа.
Сыхшыҩ азханы, иахьынӡеилыскааз ала, агәра ганы
сыҟоуп акы. Згәыцә хәарҽхаз аҵла, ԥшакгьы амысӡакәа, ахала ихжәаны ишкаҳауа еиԥш, сызлиааз, адунеи архыџхыџуа
иӷәӷәаз аҳәынҭқарра ахала иҟәыбаса еилаҳаит, аиаша аҳәара
ауаҩы дахьахыршьаауаз иахҟьаны, ажәа аӷас иахьыҟарҵаз,
ахшыҩи аламыси змаз ауаа мыцхәны иахьырыԥхьаӡоз иах
ҟьаны. Уажәы ҳазҭагыло аамҭаан, аҳәнҭқарра мал-мазарала
аӷаррагьы, ламысла алаҟәрагьы зхароу, ажәа пату ахьақәым,
аламыс иалахәаахәҭуа иахьалагаз ауп.
Ацәгьараҿгьы абзиараҿгьы ажәа алшара ҳәаак амам. Арҭ
аамҭақәа аҩбагьы аҭоурых иатәуп. Аҩбагьы, аԥсуаа ҳҳәашьала,
ҳазҭагылоу аамҭақәоуп. Урҭ аамҭақәа рхаҿсахьақәа, маҷӡак
иадамхаргьы, ажәала исызҭыхзар, ари, иалкаау сҩымҭақәак
рышәҟәы, аԥхьаҩ идгалара иаԥсоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Имаӡоу
даҽа хамхабзиаракгьы сымоуп. Иҳаҩысхьоуи ҳазҭагылои
аамҭақәа рзыҳәан акыр сызҳәазар, ԥхьаҟа дзырԥшыша
хшыҩҵак қьиақәакгьы шԥаизнамырҵысри аԥхьаҩ.
1995
АПОВЕСТ
АҴЫС-МҨАС
Алагамҭа
Акәаскьа аԥхьа ишәҭны игылаз, агәилқәа ирхьыкәкәаны
икаҭәон аӡаӡа. Илаҳа-лаҳауа амӡырха иқәын урҭ ирхылҵуаз
афҩы-хаа. Иқашә-қашәон иԥшқаӡа аҩеира иаҿыз аҳаскьын.
Амш еилган. Алакыҵа ҵылашаауа, амра агылара иазыԥшын
ажәҩан.
Аха, ишапшапуа иҩагылаз, амра аӡаӡа ашьҭарбахагьы
амаӡеит. Азнык, «ффу» уҳәар иааимбӷьыжәаартә, иҵаӷаӡа
ажәҩан ааҵырҟьеит ԥсҭҳәақәак. Иԥыжәжәа-ԥыжәжәа иԥса
ҟьаны ишаҵаԥсаз, хәыҷы-хәыҷла рҽеидыркыло, рҽааи
ларцалеит. Нас, алашәага иԥхарҵаз асар реиԥш, ажәҩан
иаҵеибаҳәа рҿаархеит аԥҭа ӡлачқәа. Ихьанҭаӡа, ишы
неимарҭәара, адгьыл инахатәеит.
Амӡырха иҭагьежьаауа инықәсит аԥша ҵәыҵәы.
Аҵармақьеиԥш алакыҵа ҩыҵшәааит ажәҩан. Игәыргәыруа,
иӷьарӷьаруа, дгьыли жәҩани еидыкшалозшәа, иаадыдит.
Еиҭадыдит…
Еилгон иажәхьаз аӡынреи, аԥсабара ахаҿы ԥсахуа,
ирҷкәынуа иааиуаз ааԥынреи. Мышкы ҩынтә-хынтә аҽеи
ҭанакуан амш…
Аԥҭақәа,рымҵәыжәҩа еиқәаҵәақәа хьадышьшь,илаҟәуан,
илаҟәуан. Иаақәашарпҟҟеит. Аџьықәреи рықәҿдырпуазшәа,
аҟәҟәа аарықәгеит ахыбрақәа. Акырцх!
Згәы аазыртхьаз ашәҭқәа, ргәаӷ икны иагозшәа, рбыӷьқәа
кыдӷәыхаа, иҟәыбаса иҩархысны ицеит…
Еилгон аӡынреи ааԥынреи… Идыдуан…
АКТӘИ АСАЛАМ ШӘҞӘЫ
Иаԥхьа иқәгылаз ателефон аашьҭихын, хьырр-хьыррҳәа
нумерк аалихит Лагәсҭан.
– Сышәзыӡырҩуеит.
– Мақсма уоума?
– Ааи.
– Шьыжьбзиа!
– Шьыжьума, шьыбжь аахьеите. Салам, салам, иҟоузеи
цәгьароума, бзиароума?
– Иҟоузеи, умбои, кәыбрык амаха аа-лак ирзыфом. Иахьа
иупланузеи? Ухы абахоу?
– Мыширак ахь сымцар ҟалом. Уеилахамзар – уааи,
ҳаиццап. Ҟаԥшьи, шкәакәеи, бла хааи, хәда ҵҟәашәааи,
иаауҭаххалак ҟалоит… иаҳцәагозеи, ҳааҟрымҿрымып, насгьы
ишудыруа еиԥш, атәым кәтыжь…
– Абзиара узыҟалааит!
– Иухьи?
– Исмаҳаӡеит!
Ателефон ацәажәара ишаҿыз инықәиҵеит. Иџьымшьқәа
дырлаха-ҩахо, дхәыц-хәыцуа дтәан. Ихахәжәпара инапы
алшьуа, ателефон еиҭаақәихит. «Сыззасрыда? Аа, исгәа
лашәеит»…
– Аа, Лагәысҭан уоума? – игәаҩаӡа бжьык нҭыҩит илымҳа
иадкылаз ателефон. – Сызҿузеи уҳәоу?! Абыржәы смашьына
абензин ҭаҭәаны исзааргеит. Рита лыҽшааибылҭалак, ҳнықә
ла-аақәлашт. Уара умашьына абаҟоу, аԥсы ауршьома иахьа?..
– Ашьапқәа рчаԥоит.
– Нас арахь уааи. Сара стәы ҳазхоит. «Ешыранӡа» ҳнаӡап.
Ԥшак наҳҳарсп…
– «Амра», «Аԥацха», «Ешыра»!..
– Умгәамҵын. Генриетагьы дҟалоит. Лафк, егьик зҳәаз
еиԥш.
– Ишәыхьзеи, уара, Мақсмагьы уаргьы уаҳа уи шәгәы
ахымшәаӡои? Уаргьы ҽеи узымҳәеит!
Ателефон «акьахь» инахишьит. «Так, са-ба-ца-ри иахьа?
Аҳәсагьы сгәахы аакыдырхит. Уамашәоуп ишыҟоу, абри аҳәса.
Уацәажәара лҭахӡамкәа лқьышә ушықәылҵо, умаҵура аӡбахә
анаалоуҳәалак, уаанцәахшахазшәа, духәаччо, дуахәмаруа,
даахәшахоит. Уи нахыс аӷаџҳәа илацәажәо аҿыҩанахоит
смаҵура, сара слыцуп, ус, саамҭа анааиуа сазыԥшны. Нас
ҳааиԥырҵуеит, нас еиҭах иҽырба-ҽырбо смаҵура сываргыланы сҿынасхоит. Аҩызцәагьы иароуп исзызыԥшаауа,
уамашәоуп ишыҟоу амаҵура, уамашәоуп!..» Ишьапқәа амарҭақ
иқәҵан адиван дықәиан. Инапы нагӡаны альбом аақәихын,
патреҭқәак днарыхәаԥшит. Џьара иҩызцәа, иара дрылаӡамкәа,
џьара – иара рыгәҭа дрылагыланы, аҷкәынцәа, аӡӷабцәа…
«Иҟалап, адиплом снапаҿы иааскаанӡа акәызҭгьы аҩызцәа…
Аха сара исхароузеи!»… Ихаҿы иааиз ари ахшыҩҵак, иара
ихаҭа даршәеит. Инамыгӡакәа, наҟ инаиҟәицарц даҽа патреҭк
днахәаԥшит… Имаахыр ԥштәыз лыблақәа қьиа-қьиаӡа,
дихәаԥшуан ԥҳәызбак. «Лариса, Лариса… Еҳәшьаҵас акәын
дшысзыҟаз. Иҟалап, убри аӡә заҵәык смаҵура акәымкәа, сара
схаҭа сылбозҭгьы, аха уигьы уажәшьҭа седру… Насгьы лара
дҭаацәарахахьеит…» Апатреҭқәа зегьы дрыхәамԥшыкәа, альбом наиркын, лассы-лассы илаԥш иҵамшәаларц, ашкаф ашә
аартны, хара днахан инҭеиҵеит. «Урҭқәа зегьы исеиҩсхьоу
усуп. Абасоуп аамҭа шыҟоу… Саргьы схы ансыхнахуаз ыҟан:
«Зышхәа уҭоу иашәа ҳәа» ҳәа аӡәы ианиҳәалак, «иашәа
акәым икәашарагьы уацԥырны укәашап»… Арадиола ахаԥыц
ҟәашқәа руакы инацәа нақәирӷәӷәеит. «Санбанӡаҟоу сымацара, ооу, нана, ранина-уаа» – ҳәа, иҵрыхәҵәаӡа, аӡәы лыбжьы
нҭыҩит. Атахҳәа даҽа хаԥыцк днасын, лыбжьы ааԥиҵәеит.
«Бымала быҟазар, изхарада?»… Илацәақәа еиқәԥсаны, адиван дықәиан. «Ишԥасхызгари иахьатәи амҽыша?» Игәы
иҽшанӡамыз, ашә аҵәҵәабжьы аагеит. Азнык азы даагәырӷьеит.
Аха нас, «иаахда уажәы! Иахьазаҵәык сыԥсы аасдыршьар
иҟалозеи, еикәанҵәаша, сусурҭаҿ ҭаха сырҭом, аҩны стәар
руам!»… Иеимаа ҵарԥалақәа наишьхаирԥан, ишиҭахӡамыз,
ашьшьыҳәа ашә ааиртит.
– Лагәысҭан Асҭана-иԥа, асалам шәҟәы шәымоуп, –
дҷырҷыруа ашә дылагылан игәыла ҷкәын хыш хәыҷы.
– Иабантәи аауеи?
– Исыздыруам, аха ипахәӡа иҭәны иҟоуп, – иҳәан дааччеит ахәыҷы.
– Иаагишь ара, иаагишь…
Ҭаҭын ҟаҵак неиҿыҵеикын, амца нахьирсит. Дшықәиац,
ишьапқәа харшәшәала, деиҭанықәиахит. Инарҳәы-аарҳәуа
днахәаԥшит асалам шәҟәы. «Иҭоузеи абри аҟара, еимгәачӡа?
Аԥхьарада ус сымамшәа!» Иаахиртлеит. «Так, иабазбахьоу,
мшәан, ас изҩышьоу? Дызусҭхарыдашь? Дызусҭхахуада,
дааҟәымҵӡакәа иашшуа аӡәы иакәхап. Уахь инарышьҭуа
азмырхакәа, уажәы сыҩны адресгьы еилыркааит. Ԥҳәыс
напушәа… Аџьшьатә, аԥсышәала иҩуп. «Мшыбзиа, Лагәысҭан!»
– ахы днаԥхьеит. «Ҳоҳ, дабатәида ари, сабхьӡ аҳәарагьы
лаҭәамшьакәа, лара сылхәыҷушәа, сыхьӡ нҭырҳәацааны
изыҩуа?».. Аԥхьара дналагеит.
«Ианбагьыцеи абриаҟара шықәса! Саԥхьоит, сеиҭаԥхьоит
аҵыхәтәантәи уажәақәа зынны исзынхаз утелеграмма. «Бынасыԥ сеигәырӷьоит, маҷкгьы иџьасшьоит. Гәыкала
ибзыҟоу Лагәысҭан». Иуцәызӡом, раԥхьаӡа иансоуз, уиаҟара
сазымхәыцӡеит. Сеигәырӷьаҵәа снаԥхьан, имыӡырц счамадан инҭаршәны исҵәахит. Уи аахыс, ишудыруа, ҩба-хԥа
шықәса ҵит, сзырхәыцша, схала исыӡбаша акыр ус салаԥшит
аҭаацәараҿы. Акырынтә сазхәыцхьеит, акырынтә исшәахьеитисзахьеит сынасыԥ, слахьынҵа. Уажәоуп, уи утелеграммаҿы
иану ажәак аҵакы иаҳа ианеилыскаа. Утелеграммаҿы
иануҵеит «Иџьасшьоит» ҳәа. Изакәыз, Лагәысҭан, иџьоушьаз?
Уара уахьымгәыӷӡоз, угәы ахьымҩаӡоз иаалырҟьаны сынасыԥ
ахьысыӡбаз акәын, ус ами? Иашоуп, уара сызлаудыруаз, сызлеилукаауаз ала уи хымԥада иџьоушьашан, аха, сыгәра га, сара
сзыҳәан уи иаалырҟьаны, сшымгәыӷӡоз иҟалаз уск шакәым.
Сахьхәыма? Иаахҵәаны уи аҭак аҟаҵара цәгьоуп.
Исаҩсит, ицеит усҟантәи сымҩа, зышьҭа налданы ажәҩан
инаҵаблыз аеҵәеиԥш. Иаԥсоума нас хара иҳаҩсхьоу
ахьҵәыуара? Уи уаҩы изырхынҳәуам. Ҳазхәыцлароуп, егьа
уадаҩра ҳақәшәаргьы, ҳанасыԥ злаҳахьчаша.
Иахьа усура сымцаӡеит. Аҩны санаанха, сышәҟәқәа
срылеимдо, реилырхра сналагеит. Ашәҟәқәа сышрылеимдоз
аниба, схәыҷы, дбыжәгәаламуа, инап хәыҷқәа рхахо дааин
«Нана, ани сыҭ, ани сыҭ» ҳәа ашәҟәқәа рыхьҵәыуара далагеит. Иаасымԥыхьашәаз, иԥимжәартә зцәа жәпаз шәҟәык
неисыркит. Сара асқам сықәгыланы, адулаԥ ахаҿы еиқәыз
ашәҟәқәа асаба рықәсыршәшәон. Схәыҷы асаара дтәаны,
аԥхьара дазгәышьуазшәа, ашәҟәы абӷьыцқәа еихыршәшәо
дагәылаԥшуан. «Нана, нана, али дыббома, али дыббома, ихьзеи лыцҳа?!» – иҳәан, инацәкьара хәыҷқәа ԥахә-ԥахәӡа,
ашәҟәаҿ иибаз сахьак иақәкуа, дааӷьаҵәыӷьаҵәит.
«Сахьоуп, нан дукәхшоуп, уахәаԥшла» сҳәан, уиаҟара
хырҩ изысмуит. Аха ианимух, иикыз асахьа снахәаԥшит.
Уара иудыруеит, Лагәысҭан, сара анцәа, аҩсҭаа, аџьныш ҳәа
ӡәыр дыҟоуп, ӡәыр кыр имчуп ҳәа ихасҵозар. Аха ан, ахәыҷы
аҩсҭаацәа иԥырхагоуп ҳәа лоуҳәаргьы, лгәы нҭыԥсаа ицоит,
аҩсҭаа дшыҟаҵәҟьам егьа рыла агәра лгозаргьы. Убас сыхьит
саргьы.
Исыздыруам, Лагәысҭан, адунеи аҿы сара зыда адәы
дысзықәым, сцәа-сжьы иалҵыз ахәыҷы саԥхьа дахьтәаз акәу
изыхҟьаз, аха уи ашәҟәы ианыз асахьа саннахәаԥш, аӡәы даасхагыланы аҽыҩҳәа аӡаӡ ҩасылеикшазшәа, сгәы ааҭрысит,
схәы-сжьы қақаӡа иҩеилагылеит. Аҵх лашьца. Зылацәа
хәыҷқәа уаҳа ихтны адунеи лашара рымбо наӡаӡа еиқәыԥсаз,
асаби дигәыҵаҳәҳәа, дышьҭхысаа, иҽы аӷәра иаҵасуа, аккара
дылхәхәа днеиуан аб – аҽыуаҩ. Асахьа иаҳәоит уи зызҭыху
аҩымҭ аҵакы зегьы. Абна раҳ игеит уи асаби иԥсы мҵарсны.
Иугәаламшәои, Лагәысҭан, уи аҩымҭа? «Иугәаламшәои?»
сҳәахт. Уара уакәхума ани згәаламшәо!
Сара иџьасшьалон, Лагәысҭан, уара угәы-уԥсы зегьы аҭаны, ацәанырра мцабз аҵаҵаны абри абаллада
уанаԥхьалоз, иадибалазеи, уиаҟара бзиарас иалоузеи ҳәа.
Исгәалашәоит, ҽнак акурс аҿы уааҳалагыланы ҿырҳәала
уанаԥхьа, аӡәгьы иаҳмаҳаӡазшәа, зынӡа ҳаузымӡырҩӡозшәа
ҳтәан. Акраамҭа ҿымҭ, иузымбатәбараханы, иҟалаз узымдырӡо
уҳалаԥшуан. Ашьҭахь, угәы анԥжәа акәхап, «Ҳаит, шәзакә
гәаҵәажәпақәоузеи, шәара рыцҳақәа» уҳәан, ашә нкыджьлан
ундәылҵит. Ҳара ҳанцәыҵачча-аацәыҵаччеит…
Шықәсыла исцәахыԥо иаауан, аха ариабжьарак
(изыхҟьақәаз ҳаиқәшәар, иуасҳәап) ашәҟәы узҩра иақә
кны исыман. Уара иузымдыруаны акәым, Лагәысҭан, аха
ауаҩы игәҭыхақәа, ихәыцрақәа, деилызкаауа, изааигәоу
ианиеиҳәалак, аҭак имаҳаӡаргьы, игәы иҟычуеит. Уареи сареи
ҳаизыҟазаашьа, ҳаицәажәарақәа санрызхәыцлак, гәаартыла
уацәажәара азин сыманы избоит. Амала, угәы иалымсын, иахьанӡагьы исзеилымкаацкәа исзынхеит, аҵыхәтәан
ҳанеибабаз, угәы сцәыхьшәашәама, иугәамԥхашаз акыр
ҟасҵама сҳәауа, уахьсыхәаԥшуаз зыхҟьаз. Аха уи зхароу
ҳаиқәшәашьа шыҟалаз акәхап. Аџьашьареи ашанхареи
раамышьҭахь рыбла ихылозеи нас уаҳа, гәыкала еизыҟаз
ҩыџьа аиҩызцәа, акраамҭа еибамбацкәа ишыҟаз, иаҳа
иахьымгәыӷӡоз аҭыԥ аҟны ишымгәыӷӡо ианеиқәшәалак!..
Уи аҽны, разҟыла ҳанеибабахгьы, уаҩҵас ҳзымеицәа
жәаӡакәа, ҳнеиԥырҵит. Уара, аҭакԥхықәра здыз, ҳқыҭан
еилкаатәыс иумаз аҭыԥ ишаақәуҵаҵәҟьаз: «Ҳаибабахп, Лариса», – уҳәан, иузыԥшны игылаз амашьына унҭалеит. Сара бзиала ҳәа уаҳәашьаҵәҟьагьы сақәмшәаӡакәа, иҟалаз сзымдырӡо
сышгылаз, саанхеит. Уцеит, иузыԥшыз уусқәа рахь. Ҳҩыџьегьы
иабаадыруаз, уи «ааигәа» абриаҟара аамҭа шахылоз…
Уареи сареи ҵарак ҳаицалгеит. Аха ҭрак еицыхтәалан,
анык иааӡаз ажәҵарақәа, ианыԥырлак нахыс, рымҩақәа шыхазы-хазхо еиԥш, ҳусурҭақәа, аԥсҭазараҿ ҳамҩақәа хаз-хазы
рхы дырхеит. Хазы-хазхеит ҳанасыԥқәагьы, ҳанхарҭақәагьы.
Уара узлыҵыз, узааӡаз, бзиа иубоз ақалақь, ишуҭахыҵәҟьаз
еиԥш, уагьазаанхеит. Сара исыԥсахит иҳазгәакьаз ҳақа
лақь. Уажәшьҭа есааира ссасхоит уи азыҳәан, есааира ҳаи
цәыхарахоит. Сынасыԥ сыԥшааит араҟа, ақыҭан, абраҟа
исынхарҭахеит, исынҵырҭахеит. Ииашоуп, уара унапы иану аус
иаҳа иҭбаауп, акраҵанакуеит, аха саргьы, схаҵа акыр рҳаны
ианбасзааиго ҳәа, зшьапы еиқәыршәны атәара иашьҭоу
аҳәса среиуам. Схы салԥшны, сыцәа иагырха, сыфа-сыжә
иагырха кәкәы-цыкәкәрала исҵаз аҵара, баша аӡы иамгарц,
насгьы сызланагалаз ақыҭа азгьы акы схәарҭахарц исылшо
ахәыҷала… Саланахалацәан, исымбакәа схы арҽхәара салагеит, саҭоумҵан.
Лагәысҭан, иудыруандаз шаҟа схы-сгәы аҳәо, шаҟа
исзаԥсоу, знык иадамхаргьы, ҳазхара аамҭа ҳаманы
ҳаицәажәартә ҳаибабар. «Аӡӷаб аиҩызара ахьынӡалымоу,
хаҵа дцаанӡа, ма аӡәы бзиа дылбаанӡа ауп, уи нахыс уԥсы
ҭасгьы дыҟам» – абарҭ, хәмаршақә зны исоуҳәаз ажәақәа,
убасҟан иануҳәаз аан еиԥш, уажәгьы срықәшаҳаҭым. Иҟалап,
уи иашахар, иара ус, харантәи аԥсшәа ззеилаз рыбжьара, аха
уареи сареи ус акәызма ҳшеибабоз?!
Уара иудыруеит сара шаҟа сзаҵәыз. Иудыруеит, схәыҷра,
сқәыԥшра шаҟа уадаҩрала сырҭысыз, хыхь – ажәҩан, ҵаҟа –
адгьыл ҳәа, ҭынхасгьы, ҩызасгьы, уара заҵәык уаамышьҭахь,
уаҩԥсы дсымамкәа сшынхалоз. Исҭахым, анцәа иџьшьоуп,
уажәшьҭа санзалҵых, уи зегьы агәаларшәара. Аха ауаҩы знызынла дызнысхьоу имҩа дазхәыцлар, ԥаса дшыҟаз, уажәы
дшыҟоу еиҿирԥшлар бзиоуп. Иашоуп, аҭаацәара саланагалеит, сызхылаԥшлаша ҟалеит: ахәыҷы, иара… Аха макьана, уадаҩрак санақәшәо акәзааит, агәырӷьара ду сымазааит,
схы-сгәы уҭамкәа унасхашҭны мышкы мцац. Есымша гәыла
суазҵаауеит, суацәажәоит, аха, ишубо, аҭакгьы аҟаҵара сара
исықәшәоит.
Ари ашәҟәы уоуны, аҭак ансзуҩуа, сынасыԥ сшахәаԥшуа
атәы убасҟан, ушәҟәы аҟны, зынтәи узҵаарақәа еиҭасумҭарц
азыҳәан (изыҟазаалакгьы, уара уҿынтә ус азҵаарақәа уажәы
исаҳар сҭахым), заа акык-ҩбак, раҟара рҭак абра иузанысҵоит.
Иугәалашәома, ҳҵара ҳалгарц мзақәак шҳагыз,
ҳааицрымшәо еицыз аҩызцәа шәынсыжьуа, схы шәықәыс
мыршәо салагеит. Аҵыхәтәантәи ҳастипендиала атеатр ахь
ҳаиццарц анаҳаӡбазгьы, зҩызцәа ирыҟәҟьаз аԥсаатә еиԥш,
сара сымнеиӡеит. Ҳҩызцәа згәы сзынхазгьы ҟалақәеит,
ҳҩызара быԥсахит ҳәа. егьырҭ зегьы ракәым, усҟан Бабуцагьы лнапы аалҟьан, дгәааны днасԥырҵит. Сгылан, сылаӷырӡқәа
хаҟәҟәало, изуа-исҳәо сақәымшәо, схы зласырқьиаша
сымаӡамкәа. Убасҟан уара, ауаҩы еилкааразы, имаршәа
акразы зегьы ҳаҵкыс иҟазаз, ҳҩызцәа уаарылаԥшын «дзымаазар, митә ҟамлеит, аҩны уск лыман дадхалазар акәхап.
Ишәзымдырӡои…» уҳәан сааҿухит. «Ишәзымдырӡои…» ану
ҳәа, сгәы иамыхәаша акы уамхаҳәар ҳәа ушәан, уажәа намыг
ӡакәа уаасҿаԥшит. «Ишәзымдырӡои аҩны лымацара дшыҟоу,
уаҩ дышлымам», ҳәа уҳәарц акәхарын… Уи сара еилыскааит.
Убасҵәҟьа ишсаҳауаз иуҳәаргьы, сгәы иалсӡомызт, Лагәысҭан.
Сара сшыхәыҷӡаз инаркны ажәақәа: «азаҵәра», «аеҭымра»
срышьцылеит.
Ҳҩызцәеи сареи ҳаинуршәан, уареи сареи аҩныҟа
ҳҿааҳхеит.
– Лариса, ҳҩызцәа иахьраҳауаз исҳәаз баҳаит, аха саргьы исгәамԥхаӡеит бахьыҟамыз. Ибыхьзеи, бҩызцәа бгәы
рыхшәама? Брыцәтәымуа бзалагазеи? Издыруада ӡәыр бгәы
нирхазар? Ибхабмыршҭын, зҩызцәа ирыҟәҟьаз аԥсаатә хара
изцом.
– Мап, ус ахьԥоуҳәо… ҳҩызцәа ироуҳәаз иашан, сеилахан…
– Нас сара ахәылԥаз бҩны снеин, быҟаӡамызте?
Агәылацәа сразҵаан, лҽеилаҳәаны дцеит, дахьцаз ҳаздыруам
ҳәа сарҳәеит. Бабаҟаз, исцәыбымӡозар?
Сҿы ааихыхны ажәакгьы уасымҳәеит. Исыздыруам
исызмырҳәаз. Иҟалап, уи аӡбахә уасҳәар, дугәамԥхар, уақә
шаҳаҭымхар ҳәа сшәазар. Иҟалап, изаҟаразаалак џьара акала
ҳаиҩызара иалахәӡамыз, аӡәгьы ишәзымдыруаз ауаҩы иҟны
аус ахьсоуз, сҩызцәа зегьы шәсыԥсахызшәа баны акәызҭгьы,
аха угәы иалымсын, исызуамҳәеит. Зны заҵәык иуцәысҵәахит
сымаӡа.
Убасҟан уи ауаҩи сареи ҳаицын. Ажәа уасыршьыр ҳәа
сшәоит, уии сареи раԥхьаӡа ҳшеибадырыз, уи нахыстәи
ҳаибабашьа уҳәа, уаҳәара салагар. Бзиабарак шубац, ишуаҳац,
мчыбжьык ахьтә знык-ҩынтә ақыҭахьтә днеиуан ҳаиқәшәаразы.
«Сара қыҭа ҷкәынак, сгәыразра аамышьҭахь, исылоузеи!..»
иҳәалон. Дыцәгьа, дыбзиа уажәшьҭа думаҳәхеит. Сгәы иалоуп
шәахьеибамбац, шәнеиқәшәаны шәахьымеицәажәац. Иани
иаби ыҟоуп. Еҳәшьа заҵәык димоуп.
«Саб» ҳәа, уаҩы иазымҳәацыз аӡӷаб, абхәа дансоу,
сеигәырӷьаҵәа имаҵ зуан. Иара ишиаҳауаз соуцәажәахуаз,
аха гәаныла «баба», «баба» аҳәаракәын сызҿыз. Иара сабхәа
жәытә уаҩык иоуп, аха ажәытә ҵас бааԥсқәа мыцхәгьы
ирхьынҳалам уаҩуп. Анаԥшцәа ирҳәарызеи ҳәа ауп акәымзар,
агәра згоит, санаанага адырҩаҽныҵәҟьа, сагьидиртәалон,
сагьирцәажәон. Аха ажәытә ҵас бааԥсқәа рыԥсы ықәырханы
изкуа еиҳарак – «анаԥшцәа ирҳәозеи?» ауп. Амала, санхәа, аиашаз, лыԥсы ҭанаҵы, лара ланхәа иааллырбаз акы нкалыжьырц
лгәы иҭам. Зегь реиҳа ҳаилибакаауа, еизааигәахаз анхәыԥҳаи
сареи ҳауп. Ақыҭа ҳауа цқьа иааӡаз, дышԥаҟалои, лымахашьаха еилаҟацаӡа, лӡамҩақәа ашьа рылԥхаауа, иԥаны илықәу
лыхцәы санахәаԥшлак, иаасгәалашәоит схәыҷра, сқәыԥшра…
Сабшаухала аиҩызцәа ҳҽеизакны уара уҿы ҳаиқәшәарақәа…
Акәашарақәа, ахәмарра, амузыка…
Ицеит уи зегьы, апоет ишиҳәаз еиԥш «ԥхыӡҵас, шарԥазтәи
наҟәҵас».
Ҳара шаҟа ҳгәырӷьоз, ҳаччоз, ҳахәмаруаз аҟара иласны
ицон аамҭа. Уи иагон ҳқәыԥшра мҵарсны. Ҳара ҳгәырӷьон,
иара ахышә илагыланы иаҳхыччон…
Уажәшьҭа?.. Уажәшьҭа урҭ зегьы, хашҭшьа зқәым аԥхыӡ
ссир иаҩызаха, ҳгәалашәарахь иниасит. Аԥсҭазара ашьшьыҳәа
егьи аган аанарҳәын, излаҳамбацыз ала иааҳадгылеит, –
шәааи, шәыхиазар, шәазыҟаҵазар, ҳԥибашәап! – аҳәозшәа.
Ӡәырҩы уи рҽандраалеит, аамҭа зларгаша аҭыԥқәа рыԥшааит.
Ӡәырҩы аамҭа ҳара иҳацныҟәароуп, ҳхықәкы ҳара ишаҳҭаху
инаҳагӡароуп ҳәа амҩа иқәлеит. Исыздыруам, ҳазегь
ҳамҩақәа ахьеихдоу, иахьеиԥыло.
Ҳгәылара дынхоит студентк. Уи уаҵәы ақалақь ахь дцоит.
Абри сысалам шәҟәы аԥошьҭа иҭаиршәырц исҭоит.
Исыздыруам уара иахыуҳәаауа, аха сара исҭахын уи
астуденти уареи шәеибадыруазар. Иаргьы, уара уеиԥш
аҟазара дазҿлымҳауп, бзиа ибоит. Сара макьана исимырбацт,
аха ҳгәыла ӡӷабцәа ирҳәо саҳахьеит, ихаҭагьы апатреҭқәа,
аԥсабара асахьақәа ҭихуеит ҳәа. Сара дызбацыԥхьаӡа икарандашьи иблокноти икуп. Уажә ааигәа ҳашҭа дықәгыланы,
еихшьшьы игылоу абаҳчара дыҵаԥшуан. Амра аҭашәамҭаз
акәын. Хәылԥазтәи ашәахәақәа зқәыԥхоз ашәаԥыџьаԥ рыбӷьы
еилыџьџьаауан. Ҿымҭ дгыла дыԥшуан, хәыцрак дҭанагалан
даман. «Еҳ, абыржәы асахьаҭыхҩы дзыԥсоузеи!» – иҳәан
даақәыԥсычҳаит.
– Ааи, ари аҩыза аԥсабара аԥшӡара, Левитан ихаҭа
изҭымхыргьы ҟаларын, – сҳәеит сара.
– Ишԥабҳәеи? Левитан дызусҭада?
– Сахьаҭыхҩы дууп… Уаԥхьаҟа иубап, еилукаап уи
иҭыхымҭақәа, – сҳәеит, уиаҟара инақәмырӷәӷәакәа. Сгылан
сихәаԥшуан…
Лагәысҭан,
ажәа
уасыршьит,
саҭоумҵан. Абри
ахьынӡасҩуаз, гәыла, хшыҩла уааигәа сыҟан, суацәажәон.
Ҳҩызцәа зегьы ҳаиқәшәаны ҳаидтәалазшәа, сызхара сшәацәажәазшәа, шәызбазшәа сгәы иснарбон. Сгәы
аасҟычеит, иуасҳәарц исҭахқәаз рыхәҭак шысзымҳәазгьы.
Аҭак сазыԥшуп. Гәыкала иузыҟоу уҩыза Лариса.
АҨБАТӘИ АСАЛАМ ШӘҞӘЫ
Лагәысҭан!
Раԥхьатәи ашәҟәы анузызҩыз аахыс ицеит жәохә мшы
реиҳа. Сыԥшуп, сыԥшуп, аха аамҭа умоузар акәхап, макьаназ
аҭак смоуцт. Агәра згоит, иаарласны сышургәырӷьо. Аха сара
уаанӡа сзымԥшыкәа, даҽа шәҟәыкгьы узызҩуеит.
Раԥхьа иузынасышьҭыз ашәҟәы аҿы сызуазҵаарц,
сызуацәажәарц исҭахыз рацәан. Уажәы аригьы ануоулак,
еицҵаны рҭак сызҩы.
Иуасҳәап, аҭаацәара ҳәа сахьаанагаз, сышрыдыркылаз. Санхәеи сабхәеи уаа қьиақәаны, уаа гәыразқәаны
избеит. Ирхшаз рыӡӷаб гәакьа леиԥш, рнапы ыргьежьуа,
схаҵкы камыршәуа, бзиа сырбон. Уара иудыруеит, сара
ақалақь аҿы сиит, уа сааӡеит. Сҩызак слыцны сасраҳәа
мышкы-ҩымш сымцацзар, ашәҟәқәа сзыԥхьоз ишсарҳәоз
аамышьҭахь, снагәылаԥшны исымбацызт, исыздыруамызт
ақыҭа. Уҳәансҳәанлеи, шәҟәылеи, газеҭлеи акәын ишыздыруаз ҳаԥсуа қьабзқәа, ҳҵасқәа. «Бымшәан, урҭ аҵасқәа зегьы
рынагӡара бара ибықәшәом, сани саби усҵәҟьа ажәытәра
злаҽны иҟоу нхацәам» иҳәалон иара ҳанеиқәшәалоз.
Санхәа урҭ аҵасқәа – амцәажәара, амтәара, акасы хымхра – акгьы шысзымдыруаз анылба, илцәымыӷхазаргьы,
илынмырԥшкәа, сгәы нмырхакәа, сахьцәажәаша, сахьымцәа
жәаша, дсабжьо ислырбон. Сабхәа иҿы, агәылацәа, ауацәа,
аҭынхацәа уҳәа доусы рҿы исҳәаша, иҟасҵаша слырҵон. Издыруеит, «бара избац бакәзар, зегьы бхы рндыбраалон» ҳәа
ушысзаӷьуа, иҟалап усхыччаргьы, аха цқьа усызхәыцыр, сеилукаап. Санхәа изласабжьылгаз ала, сабхәа иҿы сцәажәомызт.
Ианырбо стәомызт, раԥхьа сиасуамызт. Схаҭагьы схы
џьасшьон, иҟасҵақәо санрызхәыцлакь. Сахыччон гәаныла урҭ
аҵасқәа, аха зегьыҵәҟьа ракәым. Иҟоуп мап рыцәкра акәым,
иаҳагьы еихаҳалатәу. Амала, сара сынасыԥ иаҵанакыз, умаҳә
ишиҳәахьаз еиԥш, сабхәа усеиԥшҵәҟьа ажәытәра злаҽны,
дырхьынҳаланы изку уаҩым. Ишьапы сыӡәӡәарц саналагалакь: «Баба дбыкәыхшоуп, макьана сара схы сахәартә сыҟоуп,
сшьапы шԥабсырӡәӡәои» – ҳәа, дыччо, схы днагәӡуан. Ус
аниҳәалак, иаҳагьы сҽадырԥсыланы изымуа салагахуан.
Санхәа иџьалшьеит, илакәылшьеит, мчыбжьык ааҵанӡа
сабхәа умаҳәи сареи ҳахьеиццәыригаз.
– Уара, аҭаҳмада, уреигәырӷьаны ахәыҷқәа зынӡаск
ухы иқәуртәеит. Аӡәы ибаргьы дышәхыччоите, иацы уҷкәын
ԥҳәыс дааиганы иахьа аӷаџҳәа шәеидтәаланы шәшеицәажәо.
Шәзеибамбар ҳәа ушәома?! Иухашҭма, уареи сареи шаҟа
аамҭа баба рыцҳа иҿы ҳаиццәырымҵыз.
– Ҳаи, џьушьҭ, ԥсраҽнынӡа исхашҭуа сыҟахума, буада
ҳшеицҩнеикыз! Рыԥсы ахьынӡаҭаз, ҳарцәыбналон, ҳаиц
цәырҵуамызт азы ами, шьҭа шаҟа ишәҭаху шәеиццәырҵла ҳәа
ҳааныжьны изаҳԥырҵ, – наҭеикит сабхәа… – Уи аҵкыс ббысҭа
ааҳазкныбхыр, бҭацеи сареи ҳлатәаны ҳазхараф, ҳазхаражә,
бныҳәа-ныԥхьан ҳҩагылап.
Сара сырзыӡырҩуан. Инцәыҵакны сыччон. Иубазшәа
уҟандаз санхәеи сабхәеи алаф ааибыҳәо, аҵәы анеиларҵо!
Санхәа данҭацаз илхылгақәахьаз аҵасқәа зегьы шысзы
намыгӡоз, издыруангьы ианыҟасымҵоз шыҟаз лбон, аха
дсызгәааны лхы слырбомызт. Џьара аанҿасра, ма ԥсрак,
бзарак ахь дцаны данаалак, ашҭа лнапы ыргьежьуа дҭалон,
сылгәыҵаҳәҳәан сгәыдылкылон. «С-Дыргә хәыҷы, аҩн ус
қәа зегьы бара ибыдҳажьлан баҳшьит, баҳшьит, быгәнаҳа
ҳзымгааит», – лҳәон схы шьшьуа, дысхашшаауа.
Умаҳә уажә ааигәа бригадирс дҟарҵеит. Сара саниццаз
арратә дхынҳәны аҩны дыҟан. Шықәсык аҟарагьы ҵхьан
дааижьҭеи, аха аҵарахьы ацара игәы иҭаӡамызт.
– Школк уалгеит ҳәа иабаухәои. Ҵара ԥыҭк уҵар, уҩны
азгьы, уҳаблазгьы ухәарҭахап. Сара суҭахызар, аҵарахьы
уца, – дыхҭаскуа салагеит.
– Бара мыжда, сара аҵара сцәымӷу џьыбшьома, аха
уажәраанӡа цашьа сымамызт. Ӡӷаб хәыҷык, арахь лара ашкол
дҭоуп, далымгацт, ҭаҳмадцәақәак аалызныжьны сызлацарыз.
– Нас уажәшьҭа унызкылозеи?
– Шьҭагьы бара бџьабаа рацәахоит. Сара исҵахьоу сызхоуп, сымаха-шьаха еибганаҵы, амла ҳакрым.
– Амла иакыр ҳәа ишәаноума аҵара зырҵо. Акы убап,
акы уаҳап, убла хтып. Уалганы уаар, уҭахызар, аҽага кынгьы
урашәала, – исымуа салагеит. Санхәыԥҳаи сареи мчылаҵәҟьа
дҳашьҭит. Ҩышықәсатәи акурсқәа дрылганы дааит. Уажәы,
шықәсык аҟара аус ааиур, деиҭацарц ауп аҵарахьы.
Аиаша уасҳәап, санаанагаз раԥхьатәи амшқәа рзы, изуаисҳәо сақәымшәо, аҿыц ныҟәа сиҩызан. Иутәыз, иутәымыз
сыздыруамызт, ҟаҵа сымаӡамкәа сшыгьежьы-хынҳәуа
инеихашәа ихәлон. Срашәозшәа, сымаха-шьаха ааԥсаха
снышьҭалон. Санкарахаҵәҟьоз, асасцәа анааилакь акәын.
Мызкы, ҩымзынӡагьы ҭацабара ҳәа иҽыжәҵуан. «Адунеи ӡәыр
дықәзр зегьы абарҭ ируацәоума, анаџьалбеит», – сҳәо снеит.
«Унан, сызкәхшаша, ари саншьа иԥа ианхәԥҳа лхаҵа иами,
ари, зыԥсы сакәыхшаша, саҳкәажә лыбзыцәашьа иабхәында
иами» – ҳәа, аиуарақәа жәаҩаџьара инеиқәыԥхьаӡаны, акасы насхалыршәуан. Иамуит, мчыбжьык мцеит, урҭ аншьцәа,
абзыцәашьцәа, рабхәындцәа, рыԥҳацәа, рхацәа – аӡәы
дмаакәа. Ачара аан ахчи агәабани мацара нхарак ахә аанагеит. Иабаҭаху, сукәыхшоуп.
Сабхәа зчеиџьыка бзиоу нхаҩуп. Иааиз асас акри
ҿамҵакәа, акримыржәкәа дышԥаишьҭуеи! Уи саргьы сеи
гәырӷьоит, аха ианахдырҟьало ҟалоит акәымзар. Аиаша
уасҳәап, бжеиҳан аԥшәмацәа раҵкыс, иааиуа асасцәа ирхароуп. Аԥшәма, – иумжәын, – анизымҳәалак, асас ацашьа,
ажәшьа данақәымшәалак, ҳара аҳәса ҳачуанқәа шҳарххо,
ҳаӷра ҭыӷьӷьа, ҳшьахны ҳрыдгылагәышьоуп.
Издыруеит, иуасҳәақәо мбатәбарашәа ишубо. Аха саргьы
адунеи саҟәгаӡаны сыҟам. Акосмос ахь ҳцаны ҳаауеит, аха макьана адгьылаҿ иҳагқәоу рацәоуп. Ҳаамҭа салиааит, сааӡеит
саргьы. Аха урҭ аҵасқәа насмыгӡар, срыцымныҟәар амуит.
Сиашамзаргьы ҟалап, аха жәытәнатә аахыс изышьцылахьоу,
ирҵахьоу, иахьа-уаҵәы иԥсыша ҭаҳмадцәақәак сырҿагыланы
ахшыҩ дырҵара сзаламгеит, схы ансраалон, инасыгӡон
иахьынӡасылшоз, ԥсыхәа ахьынӡамаз…
Схы ансраалон, избанда, уи зегьы шҽеим, уи аамҭа
шцахьоу шеиликаауаз збон умаҳә. Иани иаби бзиа ибон,
иҭахымызт акала ргәы нҳархар. Иара саргьы сашьҭан «илдыруазеи, рыцҳа, қалақь ԥҳәызбак» – ҳәа, ахьсзырымҳәашаз.
Џьара ӡык, фархьк аасымгозар, уаҳа агәашә сынҭымҵ
ӡакәа, аҩны аҩнуҵҟала мацара мызкаҟара схызгеит. Ицеит даҽа мызкгьы, зны-зынла сгәы ҿыӷьуазаргььы, сынасыԥ
слагәырӷьауа.
Аамҭа цон, есқьынагьы сҿыцызма; ианбанӡазуаз ҭацара.
Дара, санхәа, сабхәа, снхәыԥҳа, ишынҭаацәоу, ианаашалакь
усура ицон. Сара, еимырҵәаз ран леиԥш, снапқәа сгәыҵаԥса
аҩны сааҩнахон сымацара. Иуцәызӡом, убас схала санаанхалак, сгәы азхьаауа салагон ақалақь.
Цқьа дазырхәыцны, лхы иҭагалан санхәа иласҳәеит аусура салагар шысҭахыз, сымацара аҩны агәҿыӷь сшагоз, сдипломгьы шыԥхасҭахоз…
– Баамыццакындаз, нан, макьана. Ҳазхарагьы бҳамбацт.
Инаԥшуагьы, рҭаца шықәсыкгьы дрызныҟәмгеит, рҳәап.
– Сабажәбо, нана, шәара иаашар, хәлаанӡа ачаирҭа
шәхыуп, сара сшьамхы еиқәыршә аҩны стәоуп. Аҵара сзылгазгьы абасыхәарҭоу…
– Аҷкәын иахиҳәаауазеи?
– Уи шәара ишәасҳәарц сеиҳәеит.
– Нас ишышәҭаху, нан, аҷкәын дақәшаҳаҭзар, бабхәа сара
сиацәажәап.
Аусура салагеит, уаргьы саргьы ҳзылгаз аҵара иаҵанакуаз
ала, аклуб аҿы. Аусура салагеит, ус азуҳәар ауазар. Избанзар,
аҵла амҵан итәаны анхара нап азыркыз сиҩызан. Разҟыс
исоугәышьаз аклуб ахыбра ахаҭа бзиан, аха аҩнуҵҟа аҽҭра
иаҩызахахьан. Жәохә-мшы рахьтә знык кинок аныҟалоз
аамышьҭахь, уаҩ дызқәымтәоз асқамқәа, астолқәа еилажьын.
Асаба рықәтата, сара исықәлаз шәҟәқәак зҭаԥсаз ашкафқәа
уаҩ илаԥш иахьыҵамшәашаз икҿагылан. Агазеҭқәеи ажур
налқәеи аклуб аҟны иубомызт. Зцаԥхақәа жьакцахьаз ашкаф
қәа аасыртын ашәҟәқәа ҭысхит, асаба рықәсыршәшәеит, еилсырхит. Сара саанӡа иҵагылаз, изласарҳәаз ала, ақыҭантәи
аҿар дыԥхарҵан, дықәҵны дцеит. Уи аахыс, машәыршәа кинок анааргози еизараки раан иаадмыртуазар, ҳколнхара
ахантәаҩы иҳәашьала, «аклуб лаф еибыҳәарҭазма», ашә
ыҵарбаҟа иаркын.
Араион аҿы срацәажәо, ашшыԥхьыӡқәа ҩуа, сцосаауа, аколнхара ахантәаҩи сареи ҳшынеиҿаххуаз, ашәҟәы
ҿыцқәа аахәаны иаазгеит. Агазеҭқәа, ажурналқәа ылзҩааит.
Абригадақәа рахь сцаны, аҿар срацажәо, еидаҳкылеит
ашәаҳәаратә гәыԥ. Абаҩхатәра змаз, ибзианы ашәа зҳәоз,
икәашоз алашәақәеит. Саргьы издыруаз акы рыгсырхомызт,
идсырҵон. Хәылԥазыла аџьџьаҳәа, аклуб ҩнырцәажәаауа

آپ نے ابخاز-ابازہ سے 1 متن پڑھا ہے ادب۔
اگلا - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02
- حصے
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40