LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 18
Süzlärneñ gomumi sanı 3359
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2142
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
иахәеит.
– Аҽы имазма?
– Иман. Иахьагьы иҟоуп иҽы.
– Хара аҽы ҳамаӡам. Ҳгәыла иаб аԥара рацәаны
имоуп, иԥа ҳҩыза иоуп, аҽы изааихәеит, дақәтәаны
дныҟәоит. Ҳаргьы иаҳҭахуп ҳақәтәаларц. Иара мап
ҳцәикӡом, аха иаб иуӡом.
– Аӡәы иҽы зышәҭахузеи, ишәыздырам акәымзар,
шәаргьы аҽы шәымоуп.
– Иҳазҭада ҳара аҽы?
– Шәаб иҽы шәара ишәтәуп.
– Иабаҟоу уажәы?
– Иахьыҟоу сара шәызгоит.
Ахәыҷқәа гәырӷьеит.
– Ҳанбаугои? Ианбаҳурбои ҳҽы? – ҳәа исны дыркит.
– Шәаб иҽы шәара ишышәтәу жәдыруаз. Уи
заҟа ибзиоу, заҟа иԥшӡоу жәбар, иџьашәшьоит.
Алахь ҿашоуп, ашьҭахьтәи ашьапқәа руак, ақалԥад
шкәакәа ашьоушәа, иҷашьоуп. Иласуп, аҟәараса
еиԥш ашьҭыбжь умаҳаӡо иқәԥрааны икәаруеит.
Ишхәыҷӡаз, ҿыц иины аныҟәара ианалагаз инаркны,
шәаб инапала иааӡеит. Шәаб шәара дшәықәлан усҟан.
Инапала икәабон, инапала акраҿеиҵон. Ианазҳа,
аҟәараса еиԥш иԥшӡаӡа, мҵәыжәҩада иԥыруашәа
аныҟәара ианалага, «Ҟәараса»ахьӡиҵеит. Ахьӡ ҳәаны
аназҿиҭлак, иага ицәыхараны иҟазаргьы, ибжьы
адыруан, ишҟа иаауан иҩны.
Алиас, Ҟәараса иҟанаҵақәози раб дзакәызи ртәы
аҳәара даналагалак, ахәыҷқәа ргәы ҭгәырӷьаауа
ишыҟанаҵоз аниба, зегьы ҽнак ала ираҳәан
далымгакәа, хәыҷы-хәыҷла ираҳәо, раб ибзиабара дыркуа, мчыбжьык даангылт. Ашкол ахьтә
ианыхынҳәуаз идыруан, ихы рықәиршәон. Данырбалак иеигәырӷьаны, иҩны иԥылон. Ахәмаргақәа
рзааихәон. Ран ашкол аҟынтәи дхынҳәаанӡа, дрыцын. Ахәмаррагьы рҭахымызт, аҽакгьы рҭахымызт,
ирҭахыз, раб иҽи иареи рыӡбахә раҳалар акәын.
Алиас мчыбжьык ахи аҵыхәеи рыла убасҟак
ишьирцылеит ахәыҷқәа, дцарц даналага, макьана уҟаз ҳәа ихьҵәыуо иалагеит. Дымцар шамуаз
иазырхәыцны ианреиҳәа, ҳаргьы ҳга ҳаб иахь ҳәа
дыркит. Аҵарашықәс анынҵәалак шәан шәлыман
днеиуеит. Сара уа сышәԥылоит ҳәа иргәыбзыӷит.
– Ҳаб дабаҟоу, даҳԥымлаӡои? – ҳәа иазҵаара иалагеит. Знык иаҩижьит, ҩынтә иаҩижьит, имаҳазшәа
ҟаиҵеит.
Алиас ахәыҷқәа анибаз аҽны инаркны, ҳаб
дабаҟоу ҳәа иазҵаара аҭак рыҭара аԥсра шахикаауаз,
уажәы ианиазҵаа, аӡаӡ еиԥш игәы иаланаҵо иалагеит. Шәаб дыҟам ҳәа иҿы изамырҳәеит.
Ахәыҷқәа иазҵаара ианаҟәымҵӡа, шәаб ахара
дыҟоуп, – иҳәеит, игәы еиқәҳәалан.
– Зынӡа ихароума? Ҳаннеиуа дҳамбаӡои? – рҳәеит
иӷьаҵәыӷьаҵәуа.
– Шәара дыжәбом, аха иара шәибоит. Харантәи
дышәхылаԥшуеит. Абзиа аныҟашәҵогьы шәибоит,
ихәарҭам ак шәамхаҟаҵаргьы ибоит, – ҳәа агәра
диргеит.
– Ҳаб ахара дахьынӡаҟоу ҳҽы иахылаԥшуада, ахала иаанхама? Ирыцҳами? – Дара ртәала ихьааргеит.
– Шәабду ибоит, дахылаԥшуеит. Шәаннеилак
шәара ишәиҭоит, – ҳәа анреиҳәа, игәырӷьеит,
уанцо ҳаргьы ҳуццоит ҳәа ивагьежьуа иалагеит. – Ишәасымҳәахьеи, аԥхынтәи аканикулқәа
шааҟалаз еиԥш, шәан шәлыман днеиуеит. Сара уа
сышәԥылоит.
Ахәыҷқәа азааигеит. Аԥсныҟа ацара ргәаԥхо
иҟаиҵеит.
Шьҭа ран лакәын ахгьы аҵыхәагьы. Лҟазшьақәа
злеибаз ала, Аԥсныҟа ацара мап ацәылкыр ҳәа
дацәшәон.
Уаҵәы дцараны иахьа еиԥш, дналыдтәалан,
игәы иҭакны имаз аартны илеиҳәарц иҽаназикуаз
аамҭазы, – Алиас исоуҳәарц иуҭаху здыруеит. Уара
иуҭаху схәыҷқәа ганы рабду ирбара ауп. Уи азоуп
ахәыҷқәа зузааигәаутәыз. Аҽы бзиа ишырбоз ануба,
раб иҽы атәы уааҟәымҵӡакәа ираҳәо, бзиа идурбеит.
Уаха шәаала ҳәа рауҳәар, еибарыҩны амҩа иқәлоит.
Урҭқәа зегьы ӡбарҭан, аха исымбозшәа ҟасҵон.
Ахәыҷқәа раб иԥсадгьыл даргьы алахәхароуп. Рабду иԥсы шҭоу (уара ишуҳәо еиԥш) амаҭацәа шимоу
иаҳар, насгьы, дара рхаҭақәа наган ирбазар, еиҳау
гәырӷьарас иоураны дыҟоузеи. Аха сеилукаап ҳәа
сгәы иаанагоит. Аибашьра анеилга, Аԥсны аиааира
агеит ҳәа ансаҳа нахыс, Аԥсныҟа ацара саргәаҟуан.
Агәра ганы сыҟан Сафари сареи ҳаиқәшәоит ҳәа.
Ихәыҷқәа, ҩыџьа аҷкәынцәа ганы исырбоит,
дсыргәырӷьоит ҳәа сшыҟаз, Аҟәа инхо сан лаҳәшьа
(зыҟны уҟаз) Сафар дшеибгам, аибашьраҿы дтахеит
ҳәа агазеҭ ишаныз лхаҵа ишибаз адырра сылҭеит.
Агәра сымгеит. Ишаасаҳаз еиԥш, сашьҭаланы аилкааразы Аҟәа сцеит. Сахьнеиз ҳаӷоу дзықәшәаша
сақәшәеит. Анцәа срыцҳаишьеит, схәыҷқәа ахьсыцмыз. Сыхәда аҳәызба аҵакны сыршьырц ианалагаз
рбазҭгьы, агәыҭҟьа иагон. Ашәара ачымазара бааԥсы
рзыннажьыргьы алшон. Иудыруазарц сҭахуп, Сафар
иара ихаҭа дысцәыӡит, аха ибзиабара сгәы ишҭоу
иаанхоит. Иареи уареи шаҟа шәеизааигәаз здыру-
еит. Иашьак иеиԥш ҳаҭырла сузныҟәарц сҭахуп.
Иуцәымӡакәа иуасҳәоит. Сафар дсыԥшаауеит
ҳәа сишьҭаланы сахьнеиз, агыгшәыгқәа реиԥш
иансызныҟәа ашьҭахь, схәыҷқәа сыман Аԥсныҟа
уаҳа сцараны сыҟаӡам. Угәы иалумырсын. Уааны
ҳахьуԥшааз азы иҭабуп ҳәа уасҳәоит. Ахәыҷқәа раб
иԥсадгьыл Аԥсны даргьы ишацәтәымуаам дурдырит.
Саргьы уи ауп ирасҳәо. Раб иԥсадгьыл иацәыӡырц
сҭахым. Ирызҳар, ицо-иаауа ишалаго агәра згоит.
Иахьазы исзышьҭуам. Иахьнеиуа ҿаасҭарамзар, бзиарас ирбозеи? Исгәаласыршәарц сҭахым, дхәыҷуп,
дыԥҳәысуп, дануп
ҳәа
еилых
рымаӡам.
Иаарымԥыхьашәаз
ддырҳәуеит. Иџьыба иҭоу аҿы иаангылома,
аҽнышьыбжьон имаҭәа ишәыхны иргоит. Уҩны
иҩналан, ухәы уахцаны ирыман ицоит.
– Светлана, аҭыԥантәи ауаа уи еиԥш ахәымгара
ахаан иҟарҵом. Аибашьра ашьҭахь ауп аҿаасҭарақәа
ҟазҵо анцәырҵыз. Имӡакәа ибасҳәоит, урҭ ҳмилаҭ
дырԥхашьоит, ацәа ԥырҽуеит. Ибдыруазааит, абас
ҟазҵо еиҳараҩык атәымуаа роуп, аха аус ианадырклакь, ҳаԥсыуаауп рҳәоит.
– Сафар, аԥсуаа рқьабзқәа, рҵасқәа ртәы, раҳаҭыреиқәҵашьа, еиҳабы-еиҵбы реихаҵгылашьа, рысасдкылашьа, аҭаца ланхәеи лабхәеи рҿы лхы
шымҩаԥылгаша, асаби данилак инаркны аԥсуара
шиларааӡо ҳәа ансеиҳәоз агәахәара ду снаҭон,
знык сналаԥшны избандаз ҳәа сыҟан. Абарҭ реиԥш
иҟоу аҵас бзиақәа ҳара аурысцәа изҳамамзеи
ҳәа срыҵашьыцуан. Урҭ рахьынтәи зегь раҵкыс
исгәаԥхоз аԥсуаа, аԥҳәыс лыпату ҳаракны иахьыршьоз акәын. Уи ус шакәыз зырҵабыргуаз ала бзиа
аԥҳәыс илеишуам» ҳәа аԥсуаа ражәаԥҟа иахьагьы
иаанханы иҟоуп ҳәа, исеиҳәаз ауп. Уи ажәаԥҟа сабгьы иаҳан, ихаиршҭӡомызт дахьынӡаҟаз.
Иахьа урҭ аӡәгьы даанымхаӡазшәа ауп ишызбаз аҵыхәтәан Аҟәа саныҟаз. Усҟан сгәы шәит.
Исхашҭран иҟаӡам исзыруз.
– Сбықәшаҳаҭуп, Аҟәа баныҟаз бгәы ндырхеит ӷәӷәала, аха урҭ аԥсуа қьабзқәа, аԥсуа ҵасқәа
ныҟәызго ракәӡам. Бан лаҳәшьа бара ибалҳәаз
аҩыза саргьы исалҳәеит. Светлана, иахьазы бгәы
шәны ишыҟоу збоит. Иахьеи уаҵәи рыла бгәы
зырҟәандашак бԥымлар ҟалоит Аҟәа. Аамҭа аҭахуп.
Аибашьра ахәрақәа иннажьуа ирласны иӷьаӡом.
Изхысҳәаауа, аԥсуаа абас ражәа иалоуп, ԥазаҵәык
ида дызмам, иҩны шьаҟазаҵәык ауп иаҵагылоу.
Уи азаҵә ак анахь, ԥшак ааҵысыр еилаҳауаеит.
Иқьамҭахоит. Сафарбеи иаб дԥазаҵәны даныҟала
нахыс, иаб иажәымҭа цәгьахеит. Агәырҩеи иареи еизынхеит. Игәы каҳаит, имшқәа ԥхьаӡо аԥсра
дазыԥшуп. Светлана, сбыҳәоит, сшьамхы нарсны,
абду иԥсы шҭоу ицәыӡыз иԥа заҵәы ихшаз быман
бцаны ибырбарац. Дшымгәыӷӡо жәҩангәашәԥхьара
ибырбоит. Агәра згоит, имаҭацәа ҩыџьа инапқәа
рыкәыршаны ианааникыла, имшқәа рыԥхьаӡара
даҟәыҵны, ашықәсқәа рахь дшаго, ҩынтәқәра
шниҵуа. Сафарбеи иԥсы иабоит, иԥсы бырҭынчуеит,
иаб ус банизныҟәа уи ҳақуп.
– Сафар даныҟам ашьҭахь аӡәы сигәалашәоит ҳәа
сгәы иаанагомызт. Уиаахыс маҷ ҵуама. – Светлана
лгәы арԥшааит Алиас илеиҳәаз.
– Имӡакәа ибасҳәоит, Сафарбеии бареи шәшеи
қәшәалоз здыруан, аха аибашьра мыжда зны-зынла
ухы уханаршҭуеит. Ԥхьан ишысҳәахьоу еиԥш, Сафарбеи иаб иԥхыӡ ауп исгәалазыршәаз.
– Аҽазныкгьы исзеиҭоуҳәар сҭахуп Ростовынӡа
уаазгаз аԥхыӡ атәы, – лҳәеит, лгәы аалыԥсахын.
Ахы инаркны аԥхыӡ еиҭалзеиҭеиҳәеит, лгәы
хьаԥссошәа аниба.
– Уаҵәы амҩа уқәларц угәы иҭоуп. Уаҵәынӡа
аӡара сыҭа. Уцамҭаз аҭак усҭоит, – лҳәеит Светлана,
акыраамҭатәи лхәыцра ашьҭахь.
Илҳәарызеишь ҳәа дмыцәаӡакәа дшазхәыцуаз
иршеит.
Ашьыжьымтан асасааирҭа дахьаадәылҵыз, Светлана лхәыҷқәа рнапы ианкны дгыланы дшизыԥшыз
даарыдгылеит. Дшаалҿаԥшыз еиԥш, дамжьо ибеит,
ибзиоу ак иалҳәарц азы дшааз. Аха, лажәа аҳәаха
лымҭакәа, ахәыҷқәа еибарыҩны инеин, Алиас иааидгылт рмакәан хәыҷқәа кны. Ҟәараса бзиа иабо
азаҳҭиуеит, иганы иаҳзаҭа рҳәан, рмакәан хәыҷқәа
неидыркит. Аҩбагьы шьақарла иҭәны иҟан. Ус
зыҟарҵаз, Ҟәараса зегь раҵкыс бзиа иабозеи ҳәа
иазҵаауа, еиҭаиазҵаауа ианалага, ашьақар бзиа иабоит ҳәа реиҳәахьан. Игәынкылан ирымазаарын,
дцо даналага дара ртәала аҽы ахәы азырҭиит.
– Ахәы азышәҭиит, аха шәаргьы ижәбар
шәҭахӡами? – иҳәан, игәы был-былуа ахәыҷқәа
ааигәыдиҳәҳәалт.
– Аԥхынтәи аканикулқәа шааҟалаз еиԥш
ҳнеиуеит, – рҳәеит аҩыџьагьы еицҿакны.
Ахәыҷқәа ахьынӡацәажәоз лара ҿымҭӡакәа лхы
лашьҭны дгылан. Аҵыхәтәан, илҳәарызеишь ҳәа
Алиас игәы ҭыҵны ицо дыԥшын.
Аҿымҭра аамҭа аго ианалага, абас акгьы
еибымҳәаӡакәа ҳаиԥырҵуама ҳәа леиҳәарц Алиас иҽаназикуаз, Светлана лхы ҩышьҭылхын, –
Схәыҷқәа ирҳәо сақәшаҳаҭуп. Аԥхын исыман снеиуеит. Раб иԥсы рԥылап. Рабду ддыргәырӷьап.
Зыбзиабара дуркыз рыҽгьы ргәазхара идурбап, –
лҳәеит, ажәа мыцхәк аламҵакәа.
...Алиас Ростовнтәи данаауаз, аибашьраҿы, Сафарбеии иареи аиааира ганы ианыхынҳәуаз еиԥш
акәын игәы шыҟаз.
«Ушьҭамҭа змырӡша ҩыџьа ахацәарԥар уҷкәын Сафарбеи иузаанижьт ҳәа, Даҭа зынӡа дшақәымгәыӷӡо,
снеины иасҳәар дышԥаҟалари»? Дамхагәырӷьацәар,
агәырҩа иарҵаӷахьоу игәы ԥнажәар? Сымацара
сакәымкәа, Ҟанчобеи дсыман снеир еиӷьуп. Урҭ
еиқәлацәоуп. Реицәажәашьеи реилибакаашьеи
зынӡа аҽакуп. Иаҭаххаргьы еибаҟажоит», – иҳәан,
Даҭа иахь днеиаанӡа Ҟанчобеи дизцеит. Дахьнеиз, дычмазаҩны дышьҭан. Алиас даниба, анцәа
иџьшьоуп, уеибганы уахьызбаз, иҳәан, Ҟанчобеи
дҩеихан, ииарҭа днықәтәеит, дахьибаз деи
гәырӷьаны.
– Ишәыхьзеи, шәгәы бзиами? – дычмазаҩны дахьибаз ааицәымыӷхеит.
– Сара исыхьлакгьы усым. Уара уоуп... агәырҩа
ҳаургеит, схала сакәым ақыҭа зегьы хьаас ишьҭырхит,
ухабарк аныҟамлаӡа. Абаҟаҟаҵаҩцәа рахь Аҟәанӡа
сцоит, снарацәажәаны адырҩаҽны схынҳәуеит ҳәа
уцан, умааӡеит. Уиаахыс ҩымш ракәым, ҩымчыбжь
абар шьҭа иҵуеит. Ихабар ыҟаӡам. Абасҟак
аамҭа даанызкылаз уара иузымдыруа ҟаларым
ҳәа заҟаҩы сазҵаахьада. Баҭаҟәагьы ҩынтәхынтә дааны дсазҵаахьеит. Урҭқәа зегь абаҳҭаху.
Уманшәалахама? Дареи уареи шәеицәажәама?
Абаҟа аҟаҵара нап адыркхьоума? Уахьынӡаҟамыз
Баҭаҟәа идуҵаз наигӡеит. Сара исымбац, аха абаҟа
злырхуа хаҳә оумак цырцыруа, Украинантәи иааганы, аусҳәарҭа ашҭаҿы ишьҭеиҵеит рҳәеит.
Даҭа ианиаҳа, игәы дамыртәакәа, илаба иҽанҵаны
дцан, ахаҳә ахьышьҭаз ибаны дхынҳәны дшаауаз
(иҩны ддәылҵны џьара дымнеижьҭеи иҵуазеи),
сычмазаҩны сшышьҭаз иарҳәахьазаарын, сибарц
дааит. Акыраамҭа ҳаицәажәон, Сафарбеи ибаҟа аргылара ахьаԥшьугаз, игәы шьҭыхны дамоушәа збеит.
«Аԥсынҵра ду ҳазшаз изиҭаша Алиас, иашьа ибаҟа
аиааира амш иахьыгӡаны иқәиргыларц дашьҭоуп.
Знык иҟаҵаны изалгар, сыԥсы ахьынӡаҭоу мышкы бжьамыжьӡакәа сцалон, иԥсы ҭаны дгылоушәа
сгәы иабо сҟалон», иҳәеит. Уи амш ишәзахьыгӡару?
Аарлаҳәа дыҟоуп, иԥсы шҭоу ибандаз иҷкәын ибаҟа.
Иара иҳәашьа, уинахыс дыԥсыргьы мо имам.
– Абаҟа ақәыргылара ҳахьӡоит, аха уи адагьы, уи
аҽны дызқәымгәыӷӡо ибараны дыҟоуп.
– Абаҟа еиҳау, уажәыҵәҟьа иара изы игәы иахәаша
иибараны иҟоузеи, агәырҩа иарҩахьоу.
– Имаҭацәа, ҩыџьа ахацәарԥар ибараны дыҟоуп
уи амш аҽны.
– Имаҭацәа уҳәама? Изҭада Даҭа амаҭацәа?
Иуҳәо абантәиааугеи? – Иџьеишьеит, илакәишьеит
Ҟанчобеи.
– Ростовынтәи иаазгеит.
Аҟәаҟа акәӡамзи уахьцаз. Ростов узгазеи? Сеилоумган, уара, иҟоу аиаша саҳәа.
Алиас, Ҟанчобеи уаҳа дмыргәаҟкәа, дахьцаз,
дахьааз, иибаз, иаҳаз зегьы ԥкаауа, еиҳәеит. Алиас зегьы ҳәаны далгаанӡа Ҟанчобеи аиарҭаҿы
иҿизышьҭакуамызт. Дшаалгаз, ашырҳәа дҩеихан,
ииарҭа даақәтәеит, акы змыхьӡоз аӡә иеиԥш.
Абыржәыҵәҟьа
сҩагылан
сцаны
Дата
сидныҳәалароуп. О, бара, бабаҟоу, сымаҭәақәа сзаага, ҳәа иԥҳәыс илызҿиҭит (Акҿаҩра дыкҿан ахәы
лырмазеирц).
– Ушоура тәаанӡа адәахьы удәылымҵын,
агәаҵәыхь ахь ииасыр алшоит. Мчыбжьык аиарҭа
уҽылак ҳәа уарымҳәахьеи аҳақьымцәа. Иаачҳа. Уи
уара ушычмазаҩу идыруеит, – дилабжьарц далагеит, аха имуит.
– Сшоура анбатәои ҳәа сзыԥшуам. Балга, бласы,
ибасҳәаз бмаҳаӡеи (ишалымҵуаз анылба, имаҭәақәа
ааган илҭеит)?
– Дшақәымгәыӷӡоз ари еиԥш аниоуҳәа,
дышԥаҟалеи? – ажәжәаҳәа иҽеилеиҳәан, Алиас
диазҵааит.
– Абыржәоуп санаауа, макьана иара ишҟа сым
неиӡацт. Шәара шәҿоуп аԥхьа сахьааиз, ҳаицны
ҳнеины еициаҳҳәар еиҳа еиӷьхап ҳәа сыԥхьаӡеит.
Шәгәы
шыбзиамыз
здыруазҭгьы
сааӡомызт.
Шәаанха, шәыҟаз, ишшәалҳәаз еиԥш, шәчымазара
еицәашәтәыр ҟалоит, – ҳәа дааныжьны дцарц далагеит, аха Ҟанчобеи иуазма. Сара счымазара
иеиԥшым. Уара анцәа ииныҳәаша, уи ихьаа хызҽуа
«ахәшә»изааугеит. Абыржәыҵәҟьа изаагароуп. Ари
еиԥш «ахәшә»иара изы хәы амаӡам, – иҳәан. Алиас иаԥхьа дгыланы, ашҭа даннықәла, ишьамхқәа
иҵаҟәало, ишьапқәа иахьиҭаху изықәмыргыло, надаада дырго иалагеит, аха имч еизганы ишьапқәа
рахь илбаашьҭны, иҽкамыжькәа агәашә дҭыҵит.
– Скаҳауазаргьы сышьҭыхны сугароуп. Даҭа
иҷкәын Сафарбеи данҭахаз, сара соуп иазҳәаз
иҵәҩаншьапы шыҵшәаз. Уажә иасҳәароуп иҵшәаз
аҭыԥаҿы ҩба шгыло.
Ашҭа ианҭыҵ нахыс иҽирӷәӷәеит, дгәаҟуан, лассы снеины Даҭа исызиаҳәандаз ҳәа. Амҩа ишықәыз
ирцәылашьцеит. Маҷгьы бжьаӡамызт, машьынак
ма ирԥымлеит, ма ирхьымӡеит. Шьапыла мацара
цатәыс ироуит. Аҭаацәа жәпа анааилатәоз аамҭазы
Даҭа игәашә иаадгылт.
...Даҭа, иаԥхьаҟа бзиарак изыԥшуп ҳәа агәыӷра
акәым, иԥхыӡгьы иалашәомызт, агәырҩа дагахьан.
Ауаҩыдара иунамырҟаҵо ҳәа иҟоузеи, игәырҩеи
иареи анааизынхалак, аҩны ихы изыҩнакуамызт,
еиҳарак уахынла акәын агәырҩа ихаԥаны данакуаз.
Усҟан илеи ицгәи рацәажәара далагон, аамҭа аласхызгоит ҳәа. Аллеи ацгәи наџьнатә аахыс еиӷацәоуп.
Еибабар ҟалаӡом, аҩны аҩнуҵҟа еидтәало, еидгыло,
еицыхәмаруа акәым, ашҭа ҭбаа ду иқәибаргыломызт.
Аха Даҭа илеи ицгәи иԥсы иаԥшәмахеит, еисуамызт,
еимак рымамызт, еиҩызцәахан, еизааигәаханы еицынхон. Аԥшәма илеи ицгәи ахьӡқәа рыхьӡҵаны
иман, рыхьӡқәа ҳәаны ианрызҿиҭлак, иааины наҟ-ааҟ
иааидтәалон, иҳаиҳәарызеишь рҳәозшәа иҿаԥшуа.
Ҩнуҵҟала гәаҟрак шимаз ила ихырбаауазшәа, ацгәы
халан ишьамхы иқәтәон. Ала неины ишьапаҿы
иион аҽааиҵыхны. Ишәҭахузеи, сшәахәмарларц
шәҭахума ҳәа ауаа реиԥш драцәажәо дыштәаз, –
Еи, аԥшәма! – ҳәа бжьык иаҳаит. Деиханы дҩагылт
ддәылҵырц, аха ашә аҟынӡа днаӡаанӡа ишьҭахьҟа
даахынҳәит, слымҳа сажьазар ҟалап игәахәын.
Иҭыԥ аҿы днеины дтәаанӡа, – Еи, аԥшәма, уҟоума!
– ҳәа еиҭагеит абжьы. Даҭа уамашәа ибеит. «Сафарбеи ишьҭахь, еи, аԥшәма»ҳәа ҿыҭуа аӡәы иашҭа
дҭамлацызт. Дызусҭада, сызҭаххада уаха ҵхыбжьон
ҳәа, днеины ашәа анааирт, иҩны аԥхьа иааины игылан Ҟанчобеии Алиаси.
– Шәаазгазеи ҵхыбжьон? – иҳәан, иџьеишьеит
ианиба.
– Уаабарц ҳааит, ҳнаушьҭуазар, – иҳәеит
Ҟанчобеи, жәабжь бзиак рыманы ишааиз иажәақәа
ирылыжжуа.
– Сшымгәыӷӡоз шәанызба, бзиала шәаабеит ҳәа
шәаҳәашьагьы сақәымшәеит. Шәыҩнал, шәыҩнал,
– иҳәан, раԥхьа днагылан, иҩнеигалеит. Иртәеит.
Исарҳәарызеишь ҳәа илақәа ҭраа дрыхәаԥшуа даанхеит.
Ушымгәыӷӡоз ҳаузааит, ушымгәыӷӡо угәы
иахәаша уаҳҳәоит, – ҳәа ҿааиҭит Ҟанчобеи,
ишынатәаз еиԥш.
– Алиас, уашьа абаҟа изыҟаҵаразы Аҟәаҟа уцаны уҟан. Иаҭахыз зегьы ҟауҵазар акәхап. Уи ами
исашәҳәарц ишәҭаху? Уи еиҳау исаҳараны иҟоузеи,
сгәы аанызкылаша ҳәа аҽакы. Уи ахәаша ибаҟа ргыланы избар, иԥсы ҭоушәа сгәы иабалап сыԥсаанӡа.
– Ииашоуп, уи гәаанкылагоуп, аха аҵкыс
еиҳаны угәы шьҭызхша, узыргәырӷьаша, зынӡа
узқәымгәыӷӡоз аҽак ҟалеит, убри уаҳҳәарц ауп ҳзааз
уаха аҵхыбжьон.
– Исашәҳәозеи? – иҳәеит Даҭа. – Сгәы хаҳәхахьеит.
Шьҭа сара сзыргәыӷьо ҳәа акыр ҟалараны иҟоума.
Игәы ҳарӷәӷәоит ҳәа шәаазар акәхап. Уи шәаҟәыҵ,
ҭынч ҳаицәажәап. Сара исмыхьыц исыхьраны
иҟоузеи, макьаназ сшьапы сықәгылоуп. Сыҷкәын
ихьӡ ласырҟәуам, сшьапы сшықәгылоу сыԥсыроуп.
– Даҭа, аԥсра уахымыццакын. Иаарласны Анцәа
иҳәара уалагоит абарҭ рыбзиара збаанӡа сумшьын
ҳәа.
– Анцәа иныс, Ҟанчобеи, исзеилкаауам. Абарҭ
рыбзиара збаанӡа ҳәа ззысҳәаша дшысзаанымхаз
уара иумдыруеи.
– Иумоуп. Анцәа урыцҳаишьеит. Аӡә иакәым,
ҩыџьа умоуп. Изусҭцәоу Алиас иуеиҳәоит уажәы.
Исоуҳәарц иуҭахузеи... – Алиас ишҟа даахьаҳәын
днеиҿаԥшит, игәы ҭыҵны ицо.
Шәыԥхыӡ лабҿабахеит. Ҩыџьа ахацәарԥар
амаҭацәа шәымоуп.
Даҭа ари еиԥш аниаҳа, аԥхьа иԥсы илышәшәеит,
иҿы изеихымхуа даанхеит. Алиаси Ҟанчобеии,
иҵегьы дазааганы иаҳҳәандаз ҳәа, ирцәымыӷханы
ишихәаԥшуаз, иԥсы илалан, ишәҳәо иашоума
ҳәа иааҭирҟьаз ибжьы ашҭа анҭыҵ угылазаргьы
иуаҳауан.
– Даҭа шәыԥхыӡ лабҿабахеит. – Уԥхыӡ лабҿабахеит
уҳәама? – ҳәа Алиас диазҵаауан уажәы-уажәы дтәодгыло. Агәра изгомызт. Игәы дырӷәӷәарц, агәырҩа
иҽеимҭарц азы иарҳәазшәа акәын акыраамҭа ихаҿы
ишизаамгоз. Днартәаны, Алиас ишиԥшааз атәы зе-
гьы аниеиҳәа, дҟәызгаӡа даанхеит азныказы, аха
ахәыҷқәа аҩыџьагьы раб иеиԥшуп, аӡәы раб ихьӡ
ихьӡуп. Раб иеиԥш аҽы бзиа ирбоит, аҽтәы спортшколахь иныҟәоит ҳәа аниеиҳәа, инагӡаны агәра
игеит. Агәылацәа еизганы ачара зуеит ҳәа далагеит.
Алиаси Ҟанчобеии идмырҟаҵеит. Ашколаҿы ишааурыжьлак еиԥш, ран илыманы иаауеит. Усҟан ачара
ду аауеит ҳәа иаҳәан дазааргеит, ишимуаз.
Алиаси Ҟанчобеии абри еиԥш ажәабжь иаҳәаны,
игәы рҿыцны ианца ашьҭахь, игәырҩеи ихьааи, дыкны дызгоз ихыԥсаан, иимбацыз имаҭацәа
рызхәыцра дшаҿыз иршеит.
Ашьыжьымҭан дгылан, ажьакца иагахьаз иеихеи, иеигәышәи аацәырганы, иҩны аԥхьа абарҵа
дыҵатәаны ахра дшаҿыз, игәылак диасны дышцоз
аниба, иџьеишьеит. Иҷкәын данҭаха нахыс, инапы
акамкуа ишыҟаз идыруан азы, дрыцҳашьаны дивсны
дцеит, илаҿымҭӡакәа. Дхынҳәны данаауаз, иажәны
акаҳара иаҿыз игәараанда аҵәҩанқәа ҵәрыԥсаны
иарсуа, арҿыцра дшаҿыз ибеит. Агәараанда, акәым,
иҩны бганы еилаҳауазаргьы дхьаԥшны дахәамԥшуа,
ҩынгьы гәарагьы зысҭахузеи ҳәа згәы каҳаны, исзалоузеи адунеи ҳәа зхы рацәазшьоз, акы дшаҿыз
аниба, игәы иахәаны, дивсны дымцакәа, бзиа ууит
иҳәан, дааидгылт.
– Бзиара убааит! – иҳәан, Даҭа иҵәҩан аҽыгәҳәа
инаирсын, игәыла аԥсшәа иеиҳәеит.
Агәыла ииҳәо иҿамшәо дгылан дихәаԥшуа данаанха, дызҿу закәызеи анхара нап аиркыма ҳәа
иузымбатәбараха усыхәаԥшуашәа збоит, иҳәеит.
Ааи, ҿыц анхара салагеит, сыҵәҩаншьапы иҵшәахьаз
ирҿыцны арсра саҿуп, иҳәеит. Аха аҵәҩан арсра амчреи агәаԥхареи изҭаз атәы имҳәеит.
Алиаси Ҟанчобеии аухантәарак идтәаланы
амаҭацәа шимоу агәра шидыргазгьы, инагӡаҵәҟьаны
изхаҵомызт, дара ааны ихаҭа ибаанӡа иаргамеитәырц
иҭахымызт.
Адырҩаҽны, Даҭа игәыла аӡлагараҿы, иҿыцу
жәабжьык саҳауазар ҳәа дахьнеиз, иаԥхьа иааихьаз
дшырбаз еиԥш, ҳзеигәырӷьаша ак ҳаҳаит, уи уара иузымдыруа уҟаларым, угәыла иоуп, аиаша ҳауҳәароуп
ҳәа иааикәшеит, атәаха имҭо.
– Ишәаҳазеи? – иҳәеит атәарҭа аҭыԥ анирҭа
(ашьап хьаа иман).
– Угәыла Даҭа иажәымҭа зынӡа ицәгьамхеит,
иҳаҳаз иашазар, амаҭацәа имазаап, Урыстәыла џьара
иҟазаарын, Алиас дрышьҭалан иԥшааит. Ирласынгьы изаауеит рҳәеит. Иҵабыргны анцәа иҟаиҵааит.
Ус ак ыҟазар уара иумдыруеи? – аҳәаха рибаҭомызт.
– Ишәҳәо иашазар ҟалап. Иара егьсеимҳәеит, аха
иацы дызҿқәаз рыла акалашәа дызбеит.
Агәаҟра анизыҟала нахыс, анхара-анҵыраҿы
инапы аашьҭыхны ак ҟаиҵо дсымбацызт. Иацы
ажьакца иафахьаз иеихеи иеигәышәи цырцыруа
ихны, аҵәҩанқәа ҵәрыԥсаны иарсуа, игәараанда
акаҳара иалагахьаз арҿыцра даҿын. Санааидгыла,
сыҵәҩаншьапы арыӷәӷәара саҿуп ҳәа сеиҳәеит.
Шьҭа
еилыскааит,
уи
ииҳәаз
изырҳәоз,
изырҟаҵоз, дыззыԥшыз имаҭацәа шракәыз. Шьҭа
иҵәҩаншьапы шмыӡуа аниба, игәгьы шҿыцхаз.
– Иажәа ҳәаны дшаалгаз еиԥш рызегьы ҩагылан,
ацәажәара ҳазҿу ҳааҟәыҵны, ҳшынеибарку ҳцаны
Даҭа ҳидныҳәалап. Иҷкәын Сафарбеи иара ихала
иакәӡамызт дызтәыз, ақыҭа зегьы ҳаҷкәын иакәын.
Дабиԥазаҵәын, Даҭа сыҵәҩаншьапы ыҵшәеит ҳәа
ихы ицәымыӷханы дшыҟаз, ари еиԥш аразҟы – ҩыџьа
ахацәарԥар, амаҭацәа анцәа ианииҭа, идныҳәалара
мацараҿы даанҳажьуама, ақыҭа зегьы еизганы ачара ду аауроуп, – рҳәан, аӡәы идамхаргьы аӡлагараҿы
даанымгылакәа, Даҭа ишҟа ицеит.
Алиас Ростовнтәи агәырӷьаҿҳәаша ааганы, Даҭа
игәырҩеи ихьааи хҽны, лафк иҳәаргьы цәгьа имбо
аҟынӡа игәы шьҭыхны, ҵхыбжьон иҩны днеины
дышьҭалт. Дааԥса-дкараха дыҟан. Игәы рҭынчны
иԥсы ишьарц иҭахын, илацәа ҭаауа ианалагоз аамҭазы,
еиҭах аҽа хәыцрак ааизкылсын, иҟьаҟьаӡа иаашаанӡа
ацәа иааигәара иаанамышьҭит. Иҵӡоз Шьазина
лыбзиабара игәаҵан иҭаҵәахны имазижьҭеи. Шьазина аԥшӡара дыкны даго, деихышәашәо, Сафарбеи лареи рыбжьара дрыбжьԥраауа, икәашо асцена ианеицықәыз рмахәарқәа анеидкьысла, ихьыз
изымдыруа, ишьапқәа еилаԥсо ишалагаз, мцак ицрасны ихы инаркны ишьапаҟынӡа илҟьан ицазшәа
иибаз. Шьазина лышҟа даныԥшы, ларгьы иара ицрасыз лыцрасызшәа, лӡамҩақәа ҭыҵәрааны ицо,
дыԥхашьаны лхы агарҭа лмоуа дшыҟалаз. Иахьоума шәанеибабаз... шәшьапқәа еиқәшәыршәа ҳәа
шреиҳәаз. Алиас имаҳаӡазшәа илаԥш излыҟәгомызт,
иахьада димбаӡацызшәа дышлыхәаԥшуаз. Уи аҽноуп
Алиас абзиабара ала данҭаԥшыз, ахаара агьама анибаз, данаанахәаз, мҵәжәҩаҵас иҵасны данарԥрыз.
Уи аҽны нахыс Шьазина леиԥш аԥшӡара змоу, абла
гәыҭбаа-гәыкқәа зхоу адунеи аҽаӡә дықәым ҳәа
оуп игәы ишинарбаз. Уинахыс есымша дызбаландаз ҳәа лышҟа игәы ихо иалагеит. Аха аолимпиадахь ицаны, аԥхьахә ганы, ахҩыкгьы Очамчырантәи
ихынҳәны, еибаргәырӷьо ишаауаз, иаазгоз автобус
аныҟәцаҩы аҭаҭын ааихәарц дәқьанк аԥхьа ианааникыла, Алиасгьы амашьынаныҟәцаҩ дишьҭаланы
дналбааԥан,
адәқьан
дныҵаххын,
ахҩыкгьы
рыцыԥхьаӡа ашоколадқәа аахәан данаахынҳә,
игәалаҟазаара зегьы аабжьнахит Шьазинеи Сафарбеии ртәашьеи реихәаԥшышьеи аниба. Иара
иеиԥшҵәҟьа акәын Сафарбеи Шьазина иблақәа лыдхаланы дышлыхәаԥшуаз. Алиас имбазшәа ҟаҵаны
днеины днатәеит деиқәышьшьы. Даргьы Алиас дшааиз рызгәамҭаӡеит, Сафарбеи Шьазина ихы налыдкылан ак леиҳәеит. Илеиҳәаз Алиас илымҳаҟынӡа
изымааӡеит, аха Шьазина уи даара илгәаԥханы
дшарччаз ибеит. Лыбзиабара игәы рҭәуа иҭалахьаз
инҭыкәкәа ицазшәа игәы ҭацәӡа иааҟалеит.
Ауаҩ зыда дхәарҭам абзиабара акалашәа иҟоуп.
Зны амҵәыжҩа инаҭоит, дарԥыруеит. Аҽазны
имырбаӡакәа имҵәыжҩа ҵнарҟәыдаауеит, дышханагало еиԥш дылбаанагоит.
...Аԥхьаҵәҟьа дааиланаргьежьит, ихаҿы изаамгеит Сафарбеии Шьазинеи рхымҩаԥгашьа, аха дацрамлеит. Ирласны ихирԥсааит. Ихы агәра аиргеит игәы
дшажьаз. Ус егьыҟалеит. Адырҩаҽны ашколаҿы
ианеиқәшәа, аиҵбыра классқәа рҿы иантәаз еиԥш
аԥсшәа леиҳәеит, иблақәа зынӡа илыдмырхалакәа.
Аха лара ус зыҟоуҵозеи ҳәа агәынамӡара шлоуз лхы-лҿы ианибааит, лыблақәа ирхибааит.
Ахьшәашәахара иаҿыз игәы иҟәандашьшьыраӡа
иааҟалеит.
Зегьы рҭыԥқәа рҿы инеины игылан, арепетициа роуаанӡа. Уи аҽны, ахәылбыҽха, рқыҭа акультура Аҩнаҿы иқәгылон аҵаҩцәа рышәаҳәареи
рыкәашареи акружок. Сафарбеии иареи Шьазина
рыгәҭа дрыбжьаргыланы еивагьежьуа ианаақәла,
аҳаҷаҳәа иааигәалашәеит, абас ишеицыкәашозтәи
амш – ахаан ихамышҭуа изаанхаз...
Дыԥхашьеит, дҟаԥшьхеит усҟан, дықәҵны
дцан, акофҭа шкәакәа амаӷра ау лышәҵаны дааит.
Дшааҩналаз еиԥш, Алиас ииҳәо дақәымшәо даанхеит.
Сахьылкьысыз азоуп лмахәар зегь зхылҩаз ҳәа уаҳа
налымшо аҟынӡа ицәымыӷхеит, абас ахьицәыҟалаз.
«Саҭамыз»ҳәа
леиҳәарц
дшаҿыз,
разыҟаҵаҩ
дааҩналаны,
иаразнак
арепетициа
иалагеит.
Инарыгӡоз аномер зегь реиҳа иргәаԥхоз акәын. Шьа-
зина дгәыҟаҵагаха, деихышәашәо, деихатыруа рыгәҭа
дыбжьакәашон. Уи аҽны арепетициа иахьынӡаҿыз
Сафарбеи ишҟа дԥыр-ԥыруа данаақәгьежьаалак,
лхы шьҭыхны, деихаччо диҿаԥшуан, Алиас ишҟа
данаахьаҳәлак, лхы лалырҟәуан.
Арепетица ашьҭахь адәахьы иандәылҵ, Сафарбеии Шьазинеи еизныжьны, днаскьан даагылт, амҩаду
ахь дыԥшуа, гәалак шимаз аҟара инубаауа.
– Улахь еиқәушәа збоит. Избан? – лҳәан, Шьазина дааидгылт. Алиас усҟанҵәҟьа адыдыбжьгьы
иаҳауамызт, ахәыцрақәа хара дыргахьан, аха Шьазина лыбжьы аниаҳа шьҭахьҟа даархынҳәит. Ихы
ҩышьҭыхны даныналҿаԥш, лылблақәа хааӡа ԥаса
еиԥш дышихәаԥшуаз аниба, игәы нҭгәырӷьааит.
Ашкол ралгара ааигәахон.
Алиас Шьазина лыбзиабара зны имцаха ицралон,
зны иҿыцәаауан.
Абас иҟан ашкол иалгаанӡа. Аԥышәарақәа
ҭины абжьаратә школ ианалга ашьҭахь, зегьы
иааибыҳәаны Риҵаҟа аекскурсиа ицарц рыӡбеит.
Ицараны ианыҟаз аҽны, ианеибырҳәаз аамҭазы,
иахьеибырҳәахьаз аҭыԥаҿы Сафарбеи ида аӡәы
дагымкәа еиқәшәеит. Уажәымзар уажәы дааиуеит
ҳәа ишизыԥшыз, «Сара исзыԥшны иаанымхааит,
сызнеиӡом, аҽаџьара цатәыс исықәшәеит», – ҳәа
шәасҳәарц Сафарбеи сааиҭшьҭит ҳәа игәыла ҷкәына
хәыҷык дааны иреиҳәеит.
Аӡәгьы игәамԥхаӡеит Сафарбеи дахьақәымшәаз.
Иара иакәын аекскурсиахь ацара еиҿызкааз.
Амҩа иқәгылан. Рҽазыҟаҵан иҟан. Риҵа ԥшӡа
абара иаргәаҟуан. Сафарбеи дақәымшәеит ҳәа иаангыларызма ҩажәиԥшьҩык?
– Ҳаззыԥшузеи? Ҳдәықәышәҵа, – иҳәан,
рҩызак даарылҵын, ирзыԥшны игылаз автобус ахь
иҿынеихеит.
– Сафарбеи иакәын иаԥшьызгаз аекскурсиахь ацара. Иара дааныжьны ҳцарыма? Иахаагар
иҟалозеи? – лҳәеит Шьазина, автобус аҭалара ианалагоз аамҭазы.
Иахырҳәаара рзымдыруа иаанхеит рызегьы, Шьазина абас анылҳәа.
– Шьазина илҳәаз иашоуп. Иахаагап, Сафарбеи дааныжьны ацара иашахом, – иҳәеит Алиас, Шьазина
лажәалагала аӡәгьы егьанахимҳәаа. Уи згәамԥхақәаз
ҟалазаргьы, ақәҿырымҭит. Иааиуа асабшаҽны ҳцап
ҳәа еибырҳәан, равтобус аурышьҭын ианааилагыла,
Риҵаҟа ҳзымцеит, аха ҳхәыҷра зегьы ахьаҳхаагаз,
иҳазгәакьоу ҳашкол ахь ҳамҩахыҵып, ҳазхара
ҳаицәажәап. Иаҳҳәаша иаҳгәалаҳаршәаша рацәаны
иҳамоуп, рҳәан, ашҭа инҭалт, актәи акласс инаркны ажәеизатәинӡа ргәаларшәо. Ргәы азыхьуан
шьҭарнахыс иаанрыжьуа рышкол гәакьа. Рызхара
ицәажәеит, зегь ргәаладыршәеит, ихәмарит, иччеит,
шьыбжьышьҭахьынӡа аамҭа гәырӷьахәла ирхыргеит. Реимпымҭаз ашәа ҳәаны, икәашаны еиԥырҵырц
ргәаԥхан, ашәаҳәареи акәшареи иалагеит. Алиаси
Шьазинеи рыда зегьы кәашон. Уажәымзар-уажәы
иқәлоит ҳәа иԥшын, урҭ реиԥш икәашоз ашкол аҟны
аӡәгьы дыҟамызт. Ианықәымлаӡа, шәкәаша ҳәа
рыҳәара иалагеит. Ирмуӡо ианалага Алиас дықәлеит,
агәалаҟара шимамыз инмырԥшкәа, аха Шьазина
деиҭамҵит. Бицкәаша ҳәа лҩызцәа дыркит. Иахьала
сгәы алаҟам акәашара лҳәан, илымуит. Мап анылк,
Алиасгьы иҽықәмырхакәа дықәҵит.
«Илыхьыз
ҳәа
акрыбдыруама?
Дызицымкәашазеи?»
«Сафарбеи иакәызҭгьы дицымкәашар луазма» –
ҳәа ҩыџьа хәыҭхәыҭуа ишеибырҳәоз илымҳа иҭасит.
Сзықәлазеи иҳәо дааҟанаҵан, днаскьаны даагылт.
Уи ашьҭахь иҟаз ахәмарра, ахьӡыртәра, алафҳәара
акгьы иҽалаимырхәӡеит, хәыцрак дҭагалан даман.
Аамҭа рхыргеит ргәы ишаҭахыз ала, ихәло ианалага, «Риҵа ҳцаны ҳааит», шьҭа ҳаҩнқәа рахь ҳцап ҳәа
ашкол ашҭа ааныжьны иандәықәла, Шьазина аҩныҟа
умцаӡои, уаала, ҳашьҭы, лҳәан, лҩызцәа аӡӷабцәа
даарылҵны днеин, Алиас дааидгылт. Лыбжьы убри
аҟынӡа ихааны игәы иқәыҩит, деимырхха дызмаз
ахәыцра иаразнак даалнахит. Ашкол ахь ҳанаауаз,
ҳанцоз мҩабжьаранӡа ҳаимҩалацәан, издыруада шьҭарнахыс зынӡа ҳаимҩалацәахарц лҭаххазар
иҳәан, «уаала умцаӡои» ҳәа илҳәаз даамҵанарсит.
Длыцны иҿынеихарц шьаҿақәак ааихигахьан еиԥш,
Сафарбеи данааигәалашәа, иара уаҵәҟьа даангылт.
Сара аҽаџьара цатәыс исымоуп иҳәан, ишьҭахьҟа
даахынҳәит.
«Иҟасҵаз иашаӡами?» – Ихы дазҵаауан, Шьазина
дааныжьны аҽа мҩак даныланы дахьцоз.
«Ииашаны иҟауҵеит. Лҩызцәа маӡала еибырҳәоз
улымҳала
иумаҳаи,
«Сафарбеи
иакәызҭгьы
дицымкәашар луазма»ҳәа. Урҭ акы рзымдырузҭагьы,
ус рҳәозма. Сафарбеи, Шьазинеи бзиа ишеибабо
рдыруеит... уԥсеиԥш иуҭаху уҩыза игәаԥхаз саргьы бысгәаԥхоит, ҳәа улываҩуа улышьҭамлакәа
уҽахьаанукылаз, «ииашан иҟауҵеит» ҳәа игәы
иҵанаҳәон.
Аишьцәа реиԥш иеизааигәаз еибамдырӡакәа Шьазина бзиа дырбеит. Аха еицәыхараханы еицәнарӡыр
ҳәа ишәаны, насҭха илыцәгыло иалагеит. Аӡә ибзиабара аҽаӡәы даԥырхагахар ҳәа ишәаны еихӡыӡаауан.
Зны заҵәыкгьы иаацәырган иаламцәажәацызт.
Гәыла еибадыруан, гәыла еицәажәон.
Абас ишеибарԥшуаз, ишеихыбаауаз аҩыџьагьы
егьры-зламҳәаӡакәа, лыбзиабара ргәы иҭахәхәа
ишҭаз иаанхеит, рымҩақәа хаз-хазхеит. Шьазина
лҵара ацҵаразы Краснодарҟа дцеит.
Алиаси Сафарбеии аҵара Аҟәа иҭалеит. Иреиҳау
аҵараиурҭақәа ианрылга, рқыҭахь ихынҳәны аусура
иалагеит.
Шьазина лҵара даналага, шықәсык Краснодар
даанхеит. Усҟантәи аамҭазы, уи еиԥш аԥҟара ыҟан,
аҵара ду иалгоз, дахьалгаз атәылаҿацә аҿы шықәсык
аус имукәа адиплом инапаҿы ирҭомызт.
Шықәсык аус уны, лдиплом лыманы дхынҳәит,
данааз амзазы аибашьра иалагеит. Аӡәи-аӡәи еибабо, еицәажәо изыҟамлеит. Аибашьра хлымӡаах
иҟалаз, еицәнарӡит, еицәыхаранатәит.
Ега ус акәзаргьы, Алиас ега мбатә ихигазаргьы,
Шьазина игәы дҭынҵәаӡомызт. Ишеицыкәашоз
рмахәарқәа анеидкьыслаз, раԥхьаӡаакәны абзиабара
ацыԥхь еиԥш илҟьаз, ҿыцәаарак амаӡамкәа уажәыуажәы ихааӡа иоуразоуроу илсны дааимнадон, аха
лыбзиабара иҽеиҭар, Сафарбеи дицәыхарахар ҳәа
дшәон.
Сафарбеи данҭаха нахыс, зынӡа дицәыӡит, илыԥс
ҭазаашьаз ҳәа егьиздыруамызт. Лыӡбахәгьы аӡә дала
цәажәо иаҳауамызт. Дыхәны Москва данышьҭаз,
ҽнак зны, Шьазина игәы дыҵалаӡан, длызхәыцуа,
реизыҟазаашьа зегь игәаларшәо, абас ҳаицәыӡӡома
лареи сареи ҳәа ихы дазҵаауа, аҭак изыҟамҵо
апалатаҿы дахьышьҭаз Аҟәантәи ибара ҳәа дизнеит
Сандра. Уи мызкахьы знык данымаауаз ыҟаӡамызт.
Алиас Сандра данибалак иԥсы еивигон. Иқыҭауаа
зегьы ибазшәа игәы ҟалон. Ишԥаҟоу, ишԥану ҳәа
хьыӡҳәала зегьы дразҵаауан, Шьазина лыда. Иҭахын
даарагьы Шьазина лтәы иаҳар, аха Сафарбеи иԥсы
ҭаны Шьазинеи иареи дрыбжьагылоушәа игәы иабо
далагон. Диазҵааӡомызт.
Сандра аҵыхәтәан даныҟаз, дмаацижьҭеи

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 19
- Büleklär
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3396Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3393Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3424Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3432Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21970.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3466Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21870.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3501Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3417Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3427Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3430Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3433Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3359Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3359Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 162Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.