LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 17
Süzlärneñ gomumi sanı 3386
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2111
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
иаҳаит, лыбжьы убри аҟынӡа игәыҭшьааган, лышьра иаҿызшәа акәын ишгоз. Апарк аҵыхәахьынтәи
акәын ишааҩуаз. Ицәыҵлашьцаран, аӡә дубо
иҟамызт.
Шәсыцхраа,
шәуаами,
шәсыцхраа
ҳәа дӷьаҵәыӷьаҵәуан. Ишырҳәо еиԥш, аламгәа
ҭылшьаауан, ауаҩы игәы акәым... Длывсны дымцеит, лыбжьы ахьгоз ахь ихы рханы дышцоз, ҩыџьа
аҷкәынцәа агыгшәыгқәа реиԥш деимырххо дышрымаз даарыдгылт. Шәызҿу закәызеи, уара шәуааӡами,
иҳәан, илхицарц далагеит. Уара узусҭада, уца наҟ,
уаҳԥырхагамхан акәымзар, рҳәан, руаӡәык иаҳәызба
ҭыхны ишҟа иҿааихеит. Сафарбеи днаимпыҵасын,
иаҳәызба
ааимхны
ихаӡӷара
кыдиршааит.
Убас иӷәӷәаны дыкшеит, ишьапы дықәнаҟьан,
дыбӷаӷаны дцан дкаҳаит. Егьигьы ус изиурц ишҟа
данаақәгьежьаа, дшәаны дыҩны дцахьан.
– Бымшәан. Бҽырӷәӷәа. Урҭ шьҭа уаҳа иббарым.
– Дқыџьқыџьуа, лшьапы лыҵамгыло даналага лгәы
ирӷәӷәеит.
Лмахәар аанкылан алашарахь данкылига зынӡа
қәыԥшӡак лакәын, дшәара-еиҵараха Сафарбеи
дихәаԥшуан сеиқәирхаҵәҟьама ҳәа, цқьа агәра
лзымго. Диман аҭыҵырҭа аҟынӡа ианааи, ауп ианылбаз Сафарбеи имахәар ашьа алыжж ацара ишаҿыз.
Инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит. Сара исыхҟьаны
ауп изыҟалаз ҳәа. Сафарбеи имахәар ишацрасыз,
ибеит аха усҟак хьаас иҟаимҵеит. Уажәоуп ианинырыз, абаҩ аҟынӡа имнаӡеит, аха унацәа нҭашәо
имахәар шхәыз. Ашьа гылан ицон. Ашьа анылба, лнапқәа акәыршаны иааныскылоит ҳәа далагеит. Аха ианаму, хыхьтәи лкофҭа аалшәылхын
иакәлыршеит. Аҩыџьагьы еицхыраан ашьа ацара ааныркылт. Дшәаны лхала лыҩныҟа дышзымцоз аниба, ара баансыжьӡом иҳәан, диман амҩа данықәла,
лгәы ӷәӷәахан, аҷҷаҳәа иацәажәара далагеит. Амҩа
иахьынӡақәыз илыхьыз зегьы иалҳәеит. Лани, лаби,
лареи аԥсшьаразы Аҟәа иааны ишыҟоу. Ахәылбыҽха
(амра ҭамшәацызт) лан ачаагара ддәықәылҵеит.
Ачаҭирҭа адәқьан рацәак ирцәыхараӡамызт. Дахьнеиз ача нҵәахьан. Ианааргонӡа ҳәа дааԥшит.
Лара леиԥш иԥшны игылақәазгьы ыҟан. Днаԥшыааԥшуа адәқьан аԥхьа дышгылаз, – ача анбааргои
ҳәа быԥшума? Уи макьана иааргаӡом, ачаӡырҭаҿы
ҳаҟан, афрына аҭгарагьы иаламгаӡацт. Иахьырҭиуа
аадыруеит, амҩа ахьааихаҳҵәо игылоу адәқьан
аҿы иҟоуп. Ҳаргьы аахәаразы уахь ҳцоит бҭахызар
баргьы баала, – ҳәа ҩыџьа аҷкәынцәа аалыдгылан
иларҳәеит. Рыгәра лгеит.
Шьҭа ҳааит. Шьаҿақәак роуп иаанхаз ҳәа
цәажәарҭас дыкны дрыман ицон... Аха изымнеиӡеит.
Ақалақь
бзиан
илыздырӡомызт.
Иааигәоуп
шәымҳәази, сабажәгои, амҩа ҳақәижьҭеи иҵӡозеи
ҳәа рыгәра лзымго даналага, уатәи адәқьан ашә
адыркхьеит. Ҳанавсуаз ибаҳамҳәаӡеит. Уажәы
иахьырӡуа баагоит. Иԥхаҵәыԥхаҵәуа быҩныҟа ибгап
ҳәа уа днаго, ана днаго ишалаз ихәлеит, илашьцеит.
Бзиарак ргәы ишҭамыз гәҩарас илкын, срыцәцоит
ҳәа дрымпыҵҟьан дыҩит. Иаразнак илыхьӡан дааныркылт.
...Аброуп ача ахьырӡуа рҳәан, дрыман апарк
иҭалеит. Ара ачаӡырҭа ыҟаӡам. Ари Курченко лыхьӡ
зху апарк ауп. Сани саби сааганы исдырбахьеит.
Сыжәжьоит, сҭалаӡом лҳәан, лышьҭахьҟа дыҩит,
ҽеик ргәы ишҭамыз анылба. Дыҭҟьан амҩа аҟынӡа
днеиаанӡа илыхьӡаны, лнапқәа ырҵәины, лҿы еихакны дықәшьуа дрыманы, зегь реиҳа иахьылашьцаз апарк аҵыхәан дыргеит. Ишыҟалаз зегь ҳәаны
данаалгоз дахьынхоз аҩны агәашә иаадгылт. Агәашә
дынҭагаланы ишьҭахьҟа данаахынҳәуаз аамҭазы,
уаангыл, уҽумырҵысын. Сыҩуеит ҳәа уалагар суеихсуеит иҳәан, хаҵак иҭапанча ҭыхны Сафарбеи
дишьҭалеит. Уи, лаб иакәзаарын. Ан лыԥҳа ашьа
лгәыдшыла данылба дҿаҳәатәхеит.
– Саб, уи акгьы ихараӡам. Уи иакәмызҭгьы, зынӡа
сышәцәыӡыр алшон. Уи иоуп сеиқәзырхаз, – лҳәан,
лаб дихьӡаны дихьынҳалан, дааныскылоит ҳәа далагеит.
– Сара сыҩны сцап ҳәа сгәы иҭаӡам. Иҟалаз аиаша
еилышәкаа, иҳәан Сафарбеи ишьҭахьҟа дхынҳәит.
– Нас ари ашьа ибыхьтатоу абаанагеи? –
иҽизеиқәкуамызт аб.
– Ари сара сшьа акәӡам, иара итәы ауп. Санрымихуаз урҭ абжьысқәа ҳәызбала дырхәит. Ишьа илҵны
ицоз ааныскылоит ҳәа саналага, ишьа сықәҭәеит.
Уажәыгьы иаанымгылаӡац, кәаԥ-кәаԥ иалыкәкәаны
алеира иаҿуп. Иҿаҳәатәуп. Ицхраатәуп, – ҳәа
аӷьаҵәыӷьаҵәра далагеит.
Иҟалаз шыҟалаз аиаша анеилыркаа, ангьы абгьы аҭамзаара шьҭарҵеит. Инапы ҿарҳәеит, аҩныҟа
дымҩахыргеит, ихы, иҵыхәа, дызусҭаз еилыркааит. Даргьы ахьатәиқәаз изусҭцәаз иарҳәеит.
Ростовттәқәан. Есԥхынра Аҟәа ԥсшьара иаауан,
ҭаацәала. Аб дгенералын. Арратә маҵыураҿы аус
иуан. Ан дҳақьымын. Ари аӡӷаб – рыԥҳа заҵә лакәын.
Ҳаԥҳа дахьеиқәурхаз ҳаԥсы ахьынӡаҭоу иаҳхашҭуам.
Зны Ростов унеины уҟалозар уак-ҭынхак иеиԥш
уҳадаҳкылоит ҳәа иарҳәеит, Сафарбеи дцо даналага.
Агәашә аҟынӡа днаскьалгеит деиқәзырхаз.
Аԥхьаҵәҟьа дхәыҷызшәа ауп дшибаз, ашәара
деиҵарӷәӷәа дахьамаз азы акәхап. Аха лыҩны деибганы данааи, лымаҭәақәа анылыԥсах, еилажәжәа
иҟаз лыхцәы анеиллырга, ԥҳәызба наӡааӡак леиԥш
иблаҿы дааит.
– Ашкол бҭоума? Иарбан классу бахьтәоу? –
ҳәа длызҵааит, абзиала ҳәа анеибырҳәоз. Сынтәа
абжьаратә школ салганы ауниверситет сҭалеит, –
лҳәеит, дахьлазҵааз агәахәара лнаҭан. Рнапқәа анеимырхуаз, Светлана сыхьӡуп ҳәа иалҳәеит, иаргьы
Сафар сыхьӡуп ҳәа леиҳәеит. Ажәакала, еибадырит.
Лани лаби дыргәаԥхеит. Игәра ргеит.
Адырҩашықәсангьы ԥсшьара ишааз уеиԥш, Сафарбеии Светланеи еиқәшәеит. Игәалаиршәон Алиас, аибашьра анцоз жәыларак аан аӷацәа рыкәшеит,
ирулак аҭабиа аҟынӡа инаӡеит. Сафарбеи иҩызцәа
иреимҳәеит ахы иқәшәаны дшыҟаз. Аҭабиаҿы ианааи ауп ианырбаз. Имахәар ауп изықәшәаз. Аҿаҳәара
ианалага, Алиас ихы наидикылан, иахьсықәшәаз
убо. Ари џьашьатәуп. Аҽаџьара акәӡамкәа, иара
уаҵәҟьа ауп иахьсықәшәаз иҳәеит.
– Иуҳәо сзеилымкааит, – иҳәеит Алиас.
– Смахәар аҿы ауп, аха иара убраҵәҟьа ауп
Светлана «агыгшәыгқәа» данырцәызгоз аҳәызба
ахьсыларҵаз. Уамашәа избоит, усҟангьы уажәеиԥш
абаҩ аҟынӡа изымнаӡеит аҳәызба аԥынҵагьы ахгьы, иџьашьатәуп, аҩбагьы џьарак ауп... – Ииҭахыз
нагӡаны иҳәаанӡа ихәра ҿаҳәаны ишалгаз аниба...
– Уи уашьҭан еибаҳҳәалап, уажәы ажәыларахь, –
ҳәа акоманда ҟаиҵеит. Аӷацәа хымш раахыс ахәы
ҳаракы аанкылан измаз, арҭ ҳрылгеит аӡәы ицәаара
убаӡом ҳәа рԥаҵақәа ыршо ишыҟаз, Сафарбеи
ԥхьаҟа ажәыларахь ҳәа акоманда аныҟаиҵа, аҭабиа
иҭатәаз зегьы нҭыԥан аӷацәа ирыжәлан, «Ваиме,
деда»ддырҳәеит. Ҩ-сааҭк рыла ахәы ҭадырцәит.
Ршәаџь зҳәашагьы даанырмыжьит. – Ҳаилгеит шьҭа,
узлагаз уажәа нагӡала. Светлана лаб ҳәа акы уалаган, уигьы нагӡаны иумҳәаӡеит. – Аиааира анырга
рыԥсы еиҭаркырц ишынатәаз еиԥш дизҵааит ԥаса
излацәажәоз.
– Аҭак аҟаҵара уахьымӡеит, иуеиҳәазеи агенерал?
– Аҟәа узылгаз аҵара ацҵара уҭаххозар (аҭоурых
факультет ами узылгаз), Ростов аспирантура
аҭаларазы сара ацхыраара уоуратәы иҟасҵоит, сашьа
иоуп акафедра еиҳабыс иҟоу, уи аҭоурыхтә наукақәа
дырдокторуп. Азныказы сақәшаҳаҭхарц егьаасыгымхеит. Сҵара ацҵара заҟа исҭаху умдыруеи. Аха
иаразнак ажәа исымҭаӡеит. Сани саби быргцәоуп.
Сара сыда уаҩ дрымаӡам. Урҭгьы сразҵаароуп,
ирҳәогьы саҳароуп ҳәа иасҳәеит.
– Ас шәеицәажәаратәы еиԥш шәабеибабеи? – ҳәа
Алиас данизҵаа, – аԥсшьараз Аҟәа дааны дыҟоуп, –
иҳәеит.
– Лхала дыҟоума?
– Мап, ҭаацәала иҟоуп. Сшақәшаҳаҭымхаз ауп.
Август мза жәохә инадыркны иалагон аԥышәарақәа
рыҭира, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара. – Сафарбеи ицәажәара аҽак ашҟа иахигеит. Светланагьы
лани лаби дрыцны дыҟазма ҳәа азҵаара ииҭар ҳәа
дацәшәаны.
Аҷкәынцәа, шамахамзар, ианааиқәшәалак, – Иахьа иуц-кәашода? Бзиа иубоз аҽаӡә бзиа дылбома?
Узыцныҟәоз укалыжьыма? Сара стәы дшыҟоу удыруама? – ҳәа аӡӷабцәа рылацәажәара иалагоит. Алиаси Сафарбеии убри аҟынӡа еизааигәан, ԥсык еицырхан, еибырымҳәоз маӡа рымоуп ҳәа издыруаз
аӡәы игәы иаанагомызт, аха абзиабара атәы зынӡа
алацәажәара акәым, иагьыргәаладыршәаӡомызт.
Досу ибзиабара иара игәаҵа иҭаҵәахны иман. Шьазина бзиа данеицырба нахыс ауп урҭ ус ианыҟалаз.
– ...Светлана лаб исеиҳәаз сақәшаҳаҭхазҭгьы
ишԥаҟасҵоз. Аԥышәарақәа сҭиуеит ҳәа Ростов
сшыҟаз аибашьра иалагон. Амҩақәа зегьы ркуан,
Ҧсоу аҳәаа хыҵшьас иҟасҵоз. Раԥхьатәи амшқәа
инадыркны сыԥсадгьыл ахьчаҩцәа сааны санрывамгыла, сгәы ԥжәаны сыԥсуазшәа збо сҟалон.
– Ажәакала, Ростови уареи шәеилгеит. Знык уана
цәыхҟьа, нас ицәгьоуп угәы иҭоукыз анагӡара, –
иҳәеит Алиас.
– Мап. Уара иумдыруеи, Ԥсоунӡа саауан аҽныҵәҟьа, аха арахь аашьас иҟасҵоз. Гагра
аԥхьатәи амшқәа инадыркны ақәылаҩцәа ахаԥаны
иааныркылахьан...
– Шьҭарнахысгьы уахь, Ростовҟа, умцозар акәхап. Знык уанацәыхҟьалак ицәгьоупҳәа
аниасҳәа, аиааира шаагалак еиԥш сцоит иҳәеит.
Усҟан рацәак дазымхәыцӡеит, аха уажәы Даҭа
исеиҳәаз: «Шәыҷкәынцәоуп, шәшьа шуеит, шәда
шуеит. Аҷкәынра иунамырҟаҵо иҟоузеи. Аҟәа аҵара
ахьынӡашәҵоз аӡәыр длыҿцаауа дыҟазҭгьы, уара
иузымдрырц залшом, уазхәыцла, абааԥсы, иудыруазеи, џьара ицырҟьак диҭынханы дыҟазаргьы», ҳәа.
Аҟәа аҵара анеицырҵоз аамҭа шырхыргоз,
иахьтәаз, иахьгылаз шьаҿа-шьаҿала дрызхәыцуа
дшааиуаз, «Аиааира шаагалак еиԥш Ростовҟа
сцоит», – ҳәа аҭабиаҿы иеиҳәаз анигәалашәа,
дыршьаҳазшәа дааныркылт урҭ ажәақәа. Светлана Ростовтәымзҭгьы дцарызу ҳәа ихы дазҵааит.
Уи лакәмызҭгьы дцаӡомызт. Игәгьы иҭаӡамызт.
Ианеибадыр ашьҭахь изныкымкәа ишеиқәшәахьаз
(иара иҟынтәи егьимаҳацызт, аха уажәы агәҩара
иоуит), ишеиҿцаауаз. Агәҩара изҭазгьы, зны еицны ишнеиуаз, дара ахьынхоз аулица ахьаанҵәоз
игылаз ақьырмыт ҩны ҟаԥшь ианаавала, Светлана
абри аҩнаҭаҿоуп дахьаангыло ԥсшьара данаауа ҳәа
иеиҳәахьаз ауеп. Сара исеимҳәоз маӡа имамызт,
аха саҳәара дахьымӡазар? Лыбзиабара акәызҭгьы
Ростовҟа ихан дызгоз? Сара исуалԥшьоуп уи аилкаара иҳәан, ашьыжьымҭан дшыҩагылаз еиԥш,
егьырҭ иусқәа ааныжьны, Ростовҟа амҩа дықәлеит,
ихы иҭагьежьуа иҭан, усҟан уи алацәажәаха уаҳа ирмоуит, аибашьра ашьаарҵәыра иалагылан. Уажәы
асасааирҭаҿы дшыҟаз ихаҿы иааит, иҟалап Ростовҟа
ацара игәазырԥхаз Светлана лакәзар ҳәа. Избан
акәзар, Светланеи иареи анеибадыр ашьҭахь, ҩбахԥа шықәса бжьысхьан, еицны ишнеиуаз, абри
аҩны аҿоуп Светлана есԥхынра ԥсшьара ҳәа данаауа дахьаангыло ҳәа, Сафарбеи дааҭгылан, Алиас амҩа аахаҵәирҭа акәакьҭаҿы игылаз ақьырмыт
ҟаԥшь иалхыз ахатәы ҩны иирбеит. Уи аҩнаҿы
инхоз Светлана лан лаҳәшьа лакәын, Сафарбеи
излеиҳәоз ала. Алиас ихашҭқәахьаз зегьы акакала
еизганы реидҳәалара даҿын. Зны саргьы снеигахьан урҭ рҿы, аарлаҳәа дигәалаиршәеит Светлана
лан лаҳәшьа... Ԥсшьара данаауа аброуп дахьаангыло
иҳәеит. Ус анакәха, даацыԥхьаӡа еиқәшәозаарын...
Сцараны сахьыҟоу сааҟәыҵны Светлана лан лаҳәшьа
лахь сцоит. Уи илзымдыруа дҟалару лаҳәшьаԥҳа
илыԥсҭазаашьоу. Иҟалап уажәыгьы ԥсшьара ҳәа,
есԥхынра дылзаауазар? Абас даазырҳәыз зегьы игәалазыршәоз, Даҭа иԥхыӡ ауп. «Иудыруазеи, сыԥхыӡ баша исымбазар. Акы адыруазар...
Зынӡа слахьынҵа ҷышәымзар... аӡә лҿы уск иман
дыҟазҭгьы. Ицыршәа соуп ҳәа аӡә даацәырҵыр?!
Уи еиԥш ҟалақәахьеит... усҟан сыҷкәын иԥсы ҭалан
даазшәа збоит... схала агәымыжда сахьықәхаз
схы рацәасшьоит»ҳәа данынаскьеигозтәи ииҳәаз
ажәақәа, ҭаха инамҭо ихы иҭагьежьуа иҭаз акакалкра иханаршҭит. Ашьыжьымҭан дшыҩагылаз
еиԥш, Светлана лыԥшааразы амҩа дықәлеит.
Амра гылаанӡа лан лаҳәшьа дахьынхоз (амҩа
дахымҟьаӡакәа дышиашаз) днеины агәашә даадгылт.
Аӡәгьы ашҭа дықәмызт. Заацәаны саазар ҟалап иҳәан,
иҽааникылт, аха адәахьы аӡәгьы дандәылымҵӡа,
аԥшра изымычҳаит, исаҳарызеи ҳәа игәы хыҭхыҭуа
дыҟан, агәашә кны ишҟа даахеит иаасыртуеит ҳәа,
аха аҩныҵҟала абарқәам аҿан. Ианизаамырт, ихы
нхырҳәҳәаны аԥшәма ҳәа ибжьы иргеит.
– Узусҭада, иуҭахузеи? – лҳәан ԥҳәыск, зуаҩыбжара
иахысхьаз, аҩны ашә даалагылт, лҽырцәгьаны.
– Иҟалозар, аказы сшәазҵаарц сҭахын.
– Уара уеиԥш ауп зегьы ишырҳәо. Акы
иазҵаауашәа,
акы
иашьҭоушәа...
шәызегьы
шәеиԥшуп. Сыла ушабо ухынҳәны уца, акәымзар
амилициа срыԥхьоит, – лҳәеит лыбжьы ҭцаны,
ааигәасигәа инхоз ираҳаратәы.
– Цәгьара шәзысымуит. Ус шәызсыҵаҟьозеи, –
иҳәеит ицәымӷханы.
– Уара узусҭада? – лыбжьы маҷк еиҵалтәит, дааскьаны данихәаԥш ашьҭахь.
– Сара Сафарбеи иҩыза соуп.
– Сызҩызада зуҳәаз? Уи иеиԥш сара уаҩ дсыздырӡом, – лҳәан, лнапы ҟьаны лышьҭахьҟа
ддәықәлеит.
– Ростовтәи шәаҳәшьаԥҳа Светлана лыхьӡми?
– Ааи, Светлана лыхьӡуп...
– Шықәсқәак раԥхьа ԥсшьара ҳәа дааны шәара
шәҿы даныҟаз, Курченко лпарк аҿы ацәгьоуцәа
дырцәызыхьчаз иоуп уи.
– Сафар иоума узҿу? Заа иуҳәарауаз, шьҭа еилыскааит. Уи даҳхашҭуа ҳаҟоума. Лани лаби
нахыԥсаа ицон уи ауха Сафар деиқәимырхазҭгьы
рыԥҳазаҵәы. Иара саргьы сахыԥсаауан, саҳәшьаԥҳа
лами. Гәыбӷан сумҭан, саӷьуа-ԥсуа сахьуԥылаз. Аума
ҳақәшәан ҳаҟоуп, ҳазшьуа дҳаздырам, ҳзырҳәуа
дҳаздырам, иаҳзымдыруа зегьы ҳрыцәшәоит. Аибашьра ахьынӡацоз анцәа ҳиҳәон аԥсуаа Аҟәа
ргаанӡа ақырҭцәа, афашистцәа ҳрымпыҵоумшьын
ҳәа, ҳҳәахьа ҟалеит, ақырҭцәа ықәцаны аԥсуаа
Аҟәа анырга, ҳаԥсы еиваагеит, шьҭа иҳабаргәузеи,
ашьартәагақәа ҳарцәынхеит ҳәа ҳшыҟаз, урҭ
рхаҭыԥан агәыфагақәа аакылсит.
– Урҭ зусҭцәада, иабантәиааи? – Иџьеишьеит,
дыззаз иханаршҭит уи аԥҳәыс илҳәаз.
– Аибашьра шаанҵәаз еиԥш, рыҭра ԥжәазшәа,
иааит, ациганқәа хыҵны. Аԥхьа аԥсыуаазшәа
рхы ҳдырбеит. Араҟа иааҳакәыршаны инхоз зегь
қырҭцәан, рыҩнқәа, ргәарақәа кажьны ртәылахь
ианца, ациганцәа урҭ рыҩнқәа, ҩба-ҩбала, хԥахԥала иааныркылеит.
– Абра иааны ишәыланхаз зегьы ациганцәа роума?
– Агәра изымгеит Алиас, ақырҭцәа циганцәоушәа
рҽыҟаҵаны рыҩнқәа рахь ихынҳәызар ҳәа игәахәын.
– Иџьоушьаша, урҭ рыбжеиҳараҩык аԥсышәала
ицәажәоит. Уи ауп ҳаргьы ҳазжьаз. Аԥсыуаауп
ҳамҳәеи. Аԥсуаа ргәылара бзиоуп ҳәа ҳаҟамзи,
аха мышқәак рыла иаабеит урҭ шаԥсацәамыз,
ишциганцәаз. Ациганцәа роуп агәыла икәытҵара
иҭалан акәты зӷычуа, уҩны иҩналаны умаҭәа зго.
Урхьшәашәага иҭаланы афатәқәа ҭганы изго,
амаҭәа ӡәӡәаны адәахьы ицәҵаны уааҩналаанӡа,
икынԥааны изго... Аԥсуа уи еиԥш агәымхара ахаан
ихы иаҭәеишьом. Схаҵеи сареи Аԥсны ҳанхоижьҭеи
45 шықәса ҵуеит. Аԥсуаа рқьабзқәа бзианы иаадыруеит. Аламыси ауаҩреи аҳаҭырқәҵареи ирацәаны
ирҿаҳҵаахьеит. Ргәылара бзиоуп, ҳәаак амаӡам.
Арҭ ациганқәа иааны иҳалаҳаз иреиԥшума. Заҵа
агәылацәа еиҵамӷьычра, рыбжьара аӡәы ихьымаҭәа
шкаршәу ибаргьы, агәылацәа дрылаланы, изцәыӡыз
дыԥшааны ииҭоит. Ажәа уасыршьит, аха акызаҵәык
сызлауҳәо, абарҭ ациганқәа ҳаԥсыуаауп ҳәа рымҳәо
иҟаҵатәу роуп, идырны уҟаз, арҭ реиԥш иҟоу
ҳаԥсыуаауп ҳәа рҳәо иалагар, шәцәа ԥырҽуеит.
Мыждақәак роуп, ҽынла ицәоуп, уахынла иӷьычуеит.
Наџьнатә аахыс абра еиланхо жәантә, жәохәынтә
идмырҳәыц аӡәгьы ҳаҟаӡам. Амилициахь, аполициахь ҳахьырзамшшыц кабинетк аанымхеит, аха
аӡәгьы дрылакьысӡом, ациганцәа азакәан иакӡом
ҳәа ҳарҳәоит...
Алиас лзыӡырҩра уаҳа изымчҳауа аҟынӡа днеит.
Дааникыларц иҭахуижьҭеи иҵӡозеи, аха илдыруа
зегьы лымҳәакәа аанкылашьа шлымамыз ибон.
– Адәны ургылан усымоуп. Аҩны аҩнуҵҟа
ҳаҩналап. Иуасҳәаша рацәаны исымоуп. Арҭ
ациганцәа Светлана илзырузгьы уасҳәап, – лҳәеит.
– Иакәымыз акрылзырума? – Алиас цәгьала
ицәы-мыӷхеит.
Иуасҳәоит, зегь уасҳәоит, – лҳәан, аҩны аҩнуҵҟа
дыҩналгалеит.
Сыццакуеит, – иҳәан, дымтәарц далагеит. Светлана лтәы ирласны иаҳарц иҭахын.
Уабаццакуеи? – иажәа аҳәаха имҭо, – Уара усасуп,
иаҳҭаху, иҳазгәакьоу Сафар иҩыза уоуп, ҳчеиџьыка
ымфакәа усышьҭӡом. Схаҵа ԥсыӡкҩуп, ирласны даауеит. Аԥсыӡ ааигоит, дшаауа амҩан даанкыланы
ациганцәа ицәырымгар. Ус заҟантә изырухьоу удыруама? – Архьшәашәага дҭалеит ахәы цәырызгоит
ҳәа.
– Ауадаҩ шәҽалашәымҵан, сшәыҳәоит, акымзарак сҭахӡам. Сзышьҭоу шәасҳәахьеит. Уи атәы
саҳарц сҭахуп.
Еиҭах иажәа алгаха имҭакәа, – Уҩыза Сафар аԥсыӡ
даара бзиа ибон, дшааилак еиԥш Светлана лнапала
изыҟалҵон. Уи леиԥш исзыҟамҵозаргьы, ҳчеиџьыка
агьама умбакәа усзышьҭуам...
Сафар
дааицыԥхьаӡа
ҳәа
илҳәаз,
ииҳәо
дақәымшәо, дгачамкны дааннархеит.
Шьҭа сузыӡырыҩуеит, узышьҭоу уара иуҳәаанӡа
сара издырит. Светлана улышьҭаланы уааит, ус ами?
Ааи, ус ауп, – иҳәеит Алиас, аҭакс исалҳәарызеишь
ҳәа игәы хыҭхыҭуа.
– Светлана лҩыза дыҟаӡам. Сара дахьыстәу азы
исҳәоит ҳәа угәы иаанамган. Зегь рыла дыбзиоуп.
Аха насыԥла деиқәымшәеит. Сафари лареи бзиа
еибабон, лабгьы лангьы ирҭахын маҳәыс дроурц,
аха аибашьра еицәнарӡит. Лани лаби ԥсит. Лхала
даанхеит, лхәыҷқәеи лареи рымацара роуп иҟоу.
Аибашьра шааилгаз еиԥш, Сафар дишьҭалан дааит, дсыԥшаауеит ҳәа. Ижәла лыздырамызт, дахьынхоз лыздырамызт, ихьӡыҵәҟьагьы Сафар ҳәа
акәын ишылдыруаз. Ларгьы саргьы ҳҵаа-ԥшаауа
акыр аџьабаа аабеит, аха лҵшәадахеит. Ижәла
шәзымдыруазар, дызлашәыԥшаауазеи ҳәа ҳарҳәон.
Урҭ иҳарҳәоз иашан, гәыбӷанс ираҳҭагәышьоз.
Светлана илбеит Сафар иԥшаара шамуаз, аха лгәы
лзырҭынчуамызт. Арантәи данцалак, уахьынтәи
ателефон ҳзасра далагон, иҿыцу акыр шәаҳахьоума
ҳәа. Иҳаҳагәышьоз? Илаҳҳәагәышьоз?
Схаҵа Ваниа аҩны дтәаӡамызт, ма амшын
дыхтәалазар акәын, ма Брехаловка дцар акәын.
Адунеи аҿы иааҟало ак ҳамбо, ак ҳмаҳауа ҳҟарҵеит
ациганцәа. Ваниеи сареи чак аагап ҳәа адәқьан
аҟынӡа ҳцан, жәа-минуҭкгьы ҳаанымхеит. Ҳанааи,
ҳтелевизоргьы ҳрадиогьы дәылганы иргахьан.
Ваниа игәы аныԥҵәаӡалак, жәабжь ҿыцқәак
снарзыӡырҩып ҳәа Брехаловкаҟа аныҟәара далагеит, жәабжь ҿыцс акрыҟазар уаҟа акәын иахьуаҳауаз.
Ҽнак, дахьнеиз, иидыруаз аӡәы газеҭк нарҳәыаарҳәуа икны дахәаԥшуа дыштәаз дааихагылт.
Иаразнак илаԥш ақәшәеит Сафар ипатреҭ ахьаныз адаҟьа. Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз...
данҭаха ашьҭахь Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы
зыхҵахаз. Ахаан хашҭра зқәым ҳәа ипатреҭ аҵаҟа
ианыз аҩыра заҵәык ауп дзыԥхьаз. Изкыз астатиа
Ваниа инагӡаны дзамыԥхьеит, агазеҭ зкыз дыццакуан, ирласны дцеит.
Ваниа ари еиԥш аниба, Брехаловка даангыло дыҟазма, деиханы аҩныҟа дааит. Ашәхымс
дшаахыҵыз еиԥш, иибаз сеиҳәеит. Иара уи
аҽныҵәҟьа Светлана адырра лаҳҭеит. Иаразнак
дкылҟьа дааит. Деибгоуп ҳәа дыҟамызт.... аха агәра
лгарц лҭахымызт.
Ваниа иблала агазеҭ ианны иибаз анлеиҳәа,
аҵәыуара даҳзаҟәыхуамызт. Ауха ларгьы дмыцәеит,
ҳаргьы ҳалмырцәеит. Ишаашаз еиԥш, астатиа зныз
агазеҭ сыԥшаауеит ҳәа дашьҭалт. Аха рыцҳарас
иҟалаз, Ваниа ацәаҳәақәа роуп дзыԥхьаз, из-
ныз агазеҭ ахьӡ дахәамԥшӡеит. Ижәла ихаҿы
иаанымхаӡеит. Игәникылаз исахьеи ихьӡи роуп.
Светлана ақалақь аҟны иҟаз аредакциақәа зегьы
еимылдеит дҵаа-ԥшаауа, аха бжаџьара рышәқәа аркын. Жәамш рахь знык акәын агазеҭқәа анҭыҵуаз.
Аибашьра ашьҭахь уаҳа алшара ыҟамызт. Уахь ала
егьанылзымԥшаа, џьоукы арратә комиссариат аҿы
бца, убра еилыбкаауеит ҳәа ларҳәеит. Уа дахьнеизгьы, ижәла быздырам, иаб ихьӡ быздырам, дахьиз
ақыҭа иахьӡу быздырам, ас ҳнадыххылан еилкаашьа
ҳамам. Арзаҳал ҩны иааныжь... Жәамш рышьҭахь
бҳадҵаал ҳәа ларҳәеит. Жәамш аангылашьас илымааз, лхәыҷқәа каԥсаны дааит ҩымш ҳәа.
– Ахшара лымоума? Ҳаҵа дцахьоума? – Алиас
игәы иҵаххын, дҩаҵҟьарц егьааигымгеит. Хаҵа дцахьазар, ахшара длымазар, илышьҭысхуазеи игахәит.
Арратә комиссариат аҟынтәи лгәы каҳаны дшаауаз, аҩнынӡа дааӡарц егьшлыгмыз, аӡә дылԥылан,
даанкыланы лацәажәара далагеит. Светлана аӡә
иацәажәара зынӡа илҭахӡамызт, лгәы каҳаны дыҟан.
Аха длылаҳәаҵаны дикит, бара харантәи иааз аӡә боуп
бызлазбо ала, Аԥсны ԥшӡа даара ибҭахуп. Бара беиԥш
иҟақәоу аҳәаанырцәынтәи иаауа аинтервиу рымысхуеит. «Аибашьра ашьҭахь Аҟәа шԥажәбои»ахьӡуп
арубрика. Сара сжурналиступ. Сшәыҳәоит, шәаргьы
мап сцәышәымкырц, аниҳәа, дақәшаҳаҭхеит. Лара
дзыргәаҟуазгьы иалҳәеит. Ажәак лимырҳәеит, бахьынхо сабҳәар, уаҵәы шьыбжьонынӡа Сафар дызну
агазеҭ ахьыҟазаалакгьы иԥшааны ибызназгоит, аинтервиугьы бымысхуеит ҳәа леиҳәеит. Дгәырӷьаҵәа
дшизыԥшыз, ианиҳәаз аамҭазы акыр шагыз дкылҟьа
даакылсит. Ваниеи сареи уи аамҭаз аҩны ҳаҟамызт,
ҳҭынхак ахәшәҭәырҭаҿы дышьҭан. Ибара ҳцан
ҳаҟан. Дҳашьклаԥшуазҭагьы акәхап, ҳаныҟамыз
иақәыршәаны дааит. Светлана дуаҩыз џьылымшьеи,
данылба, дыҩны диԥылт, аҩныҟа дыҩналгалеит.
Уиакәхеит, аҳәызба лҿакны даалҿагылт, бҿы анааихыбх быхәда хысҵәоит, иҳәан, дыршәаны ԥароумашьароума, лыхәда иахаз ахьтәы џьар инадкыланы, хыхьтәи лымаҭәақәаҵәҟьагьы аалшәыхны,
ажәакала, иаалымаз зегьы аалымхны иман дцеит,
лыԥсы мцо-имаауа дааҟаҵаны. Уи аԥхьагьы, зны
ԥсшьара ҳәа лхәыҷқәа лыман даан дыҟан. Амшын
аҿы ҽыкәабара ҳәа иахьцаз, лхәыҷқәагьы ларгьы
рымаҭәақәа ааршәыхны, аҟәараҿы инышьҭаҵаны,
ҳҽаҳкәабоит ҳәа иахьынҭалаз ӡык рхьыршаны
иҭыҵаанӡа ациганцәа рымаҭәақәа зегьы рӷьычхьан.
Еиҭах абас анылзыру, шьҭарнахыс схәычқәагьы
саргьы уаҳа Аԥсныҟа ҳаауам ҳәа ҳәаны дцеит. Ус
лҳәеит, аха даауаз џьысшьон. Цәгьалаҵәҟьа бзиа
илбон, есԥхынра даауан. Аха ҵыԥх аԥхын дмааӡеит,
сынтәагьы дмаауазар акәхап... Уи лхала лакәым, арҭ
ациганцәа ыҟанаҵы, ԥсшьара ҳәа Аҟәаҟа аара аӡәгьы
иҭаххаӡом. – Абра акәаԥ лыргылазшәа ацәажәара
дааҟәыҵит.
Алиасгьы
дҳәыҵәыҳәыҵәуа
дыззыԥшыз
ацәажәара данбаҟәыҵуеи ҳәа акәын. Еиҭах далагар
ҳәа дшәаны, дыццакны длазҵааит. – Лхәыҷқәеи
лареи роуп есԥхынра иаауа шәҳәеит. Ахәыҷкәа аб
дрымаӡами?
–
Аб
дышԥарымам.
Абыда
ииуазма?
Иуцәажәашьоузеи, – лҳәеит, изҵаара шылгәамԥхаз
ирдыруа.
Алиас, иара ихаҭагьы ицәымыӷхан, саҭамзааит,
ԥсшьара ианаауаз рабгьы дрыцмааӡози ҳәа акәын
сзызҵаарц исҭахыз, иҳәан иҽамаириашеит.
– Ахәыҷқәа аҩыџьагьы ҷкәынцәоуп, еициит... раб,
уҩыза Сафар иоуп. Иуамҳәаӡакәа иргәагәо абасҟак
изаазгазеи, – лҳәан, ахәы ацәыргара далагеит.
Алиас ари еиԥш аниаҳа, иахиҳәаара изымдыруа
даанхеит, Сафарбеи даацәырҵын, ибла даахгылт.
Аԥхьа Ростовҟа дцаны Светлана лхәыҷқәеи лареи
ибарызу Аҟәарашҟа дцаны, агәырҩа иагоз Даҭа
деиқәирхарызу, рыуа иалихра ихаҿы изаамго дшыҟаз,
игәалашәеит Светлана дзышьҭаз агазеҭ рҽны игәы
иадҵаы ишныҟәигоз. Иҩны ишәиҵоз акьаҿ ишҭаз
иаанхазар ҳәа дшәаны, ашырҳәа инапы иџьыбахь
иандәықәиҵа, дааҭынчхеит. Ирҽны игәы иадын.
Уи агазеҭ анҭыҵ аҽны инаркны иныҟәигон. Иџьыба
иааҭганы Сафарбеи ипатреҭ дахәаԥшыцыԥхьаӡа,
дизааигәахон, иԥсы ҭаны дицызшәа акәын игәы
ишабоз. «Еиӷьызар ҟалап иаб иаԥхьа Светлана лахь
уцар. Ациганцәа лгәы рхәит, аҽазны Аԥсныҟа уаҳа
саауам ҳәа ҳәаны дцеит. Аха уара унеир, издыруада Аԥсныҟа дуцааргьы» ҳәа игәы иҵанаҳәеит. Дцо
даналага, Светлана лан лаҳәшьа длыҳәеит Ростов
дахьынхо ладрес илҭарц. Уда здам аӡәы исҭом, аха
уара Сафар иҩыза уоуп, угәра згоит лҳәан илҭеит.
Алиас дышиашаз Ростоваҟа амҩа дықәлеит уи
аҽныҵәҟьа. Амҩа дахьынӡақәыз дзызхәыцуаз Светлана сышԥалыдылкылари ҳәа акәын. Знызаҵәык
Сафарбеи еибаирдырхьан. Уинахыс маҷ ҵуазма.
Дызусҭоу лзымдыркәа (Кавказаа зегь еиԥшуп), Аҟәа
Сафар дсыԥшаауеит ҳәа дишьҭалан дахьнеиз цәгьала
илызныҟәаз рцәа схылбаар? Шәызегьы шәеиԥшуп
ҳәа лымԥан сықәлмыжьлар? Ахәыҷқәа сылмырбар,
дсыцәшәаны исцәылҵәахыр ишԥаҟасҵари?
Ус егьыҟалеит. Ростов днеит уахынланы. Ианааша, дахьынхоз аҭыӡҭыԥ ԥшааны, амардуан даҿаланы
лышҟа дышҩеиуаз, лара хыхьынтәи лхәыҷқәа
аҩыџьагьы рнапы ианкны, илыманы дшылбаауаз
иааиԥылеит.
Алиас,
Светлана
лхала
диԥылазҭгьы,
дизымдырӡакәа длывсны дцаргьы алшон. Аха знапы
ианкны илбаалгоз ахәыҷқәа данынарҿаԥш, дгачам-
кны даанхеит. Сафарбеи даныхәыҷыз, ихы аахҵәаны
ирхагылоушәа акәын ишиеиԥшыз. Светлана, Алиас зынӡагьы диҿамԥшӡакәа лхәыҷқәа лыман дылбааит. Алиас дшылзымдырыз аниба, даахынҳәын,
дрышьҭалеит. Ашҭа иҭыҵаанӡа дрыхьӡан, Светлана
бакәӡами иҳәан, лаԥхьаҟа диасны даагылт.
Лыҷкәынцәеи лареи рымҩа зкыз ииҭахыз лзымдыруа иаалцәымӷхан, лхы дҩахан данынеиҿаԥш
дышкавказтәыз гәҩарас иҟалҵеит, лгәы нҭыԥсааит.
Лыбла даахгылеит Аҟәа даныҟаз аҳәызба лыхәда
иаҵакны илҿагылаз, ауаҩра зцәыӡхьаз.
– Сара, Сафар иҩыза Алиас соуп. Бзышьҭаз агазеҭ
бзаазгеит, – иҳәан, иџьыба иааҭганы илиркит,
дышицәшәаз аниба.
Светлана агазеҭ шаанылкылаз еиԥш, дыццакы-ццакуа адаҟьақәа аартуа дышнеиуаз, Сафар
раԥхьаӡа данылбаз еиԥш, дшамшамуа, илақәа
ҭыԥхаауа исахьа зныз адаҟьа лылаԥш нақәшәеит.
Исахьа акәӡамкәа, иара ихаҭа дааины лаԥхьа
даагылазшәа, лгәы ҭгәырӷьааит. Исахьа лгәазхара
илбаанӡа, лыԥси-лыԥси еихьымӡо атекст аԥхьара
далагеит. Иџьоушьаша, лхәыҷқәа, ҳан лыбла ҳхым
ҳәа еибарыҩуа, еибарԥо аганахь иавамлеит, иҟәиҭҟәиҭӡа игылан илыхәаԥшуан. Светлана Сафарбеи
аибашьраан иааирԥшыз агәымшәара атәы даԥхьо,
агәахәара лнаҭо дышнеиуаз, иԥсадгьыл ахьчаразы
фырхаҵарала ихы ақәиҵеит ҳәа зҳәоз ацәаҳәақәа
рҟынӡа даннеи, илықәлашьцеит. Уи нахыс ианыз
ажәак иадамхаргьы дзамыԥхьеит. Лыбла ихгылаз
алаӷырӡ далыԥшны анбанқәа лымбо дааҟалеит.
Лан лаҳәшьа Аҟәа инхо илалҳәахьан, бишьҭыҵ, деибгамзар ҟалап ҳәа. Сафар ҩба зламыз, абзиа ҳәа
изышьҭаз иакәын. Деибгазҭгьы, жәантә-ҩажәантә
биԥшаахьазаарын ҳәа. Иахьамзар уаҵәы ҳаибабоит
ҳәа гәыӷра хәҷык мырӡӡакәа илыман даауан агазеҭ
ианыз лбаанӡа. Лгәы злааникылаша ҳәа акы ихаҿы
иааиуамызт. Амца аԥыр-ԥырҳәа инаркуан Сафарбеи
ихәыҷқәа дахьрыхәаԥшуаз. Уи ихәыҷқәа иара иахьимбоз, игәы ҭнашьаауан.
Алиас
иҭагылазаашьа
шыҟаз
анылба,
дааиԥхьхәыцаан, умыццакӡозар, ахәыҷқәа аспортшкол аҟынӡа инаган саахынҳәуеит, лҳәеит.
– Џьаргьы сыццакӡом. Абраҵәҟьа сгылазаауеит,
– иҳәеит Алиас, Светлана лҟынтәи ас еиԥш аниаҳа.
Акыраамҭа ԥштәыс иқәымшәеит, лхәыҷқәа лыманы дхынҳәит.
– Заҟа ирласны шәхынҳәызеи? – Иџьеишьеит,
имнеиц ҳәа дшыҟаз ианаа.
– Атренер дыҟамызт, дычмазаҩхазаап. Уи азоуп
ирласны ҳзыхынҳәыз, – лҳәеит Светлана.
– Аспорт ахь аума иахьныҟәо, ашкол иҭамлаӡаци?
– Аҩбатәи акласс аҿы итәоуп. Уажәы мчыбжьык
иоужьуп.
– Спорт хкыс иалхны ирымоу иарбану? – Алиас
хәыц-хәыц зегь ҭиҵаауан.
–
Сара
исҭаххаз
ашьапылампыли
амҵәышәымпыли руак акәын, аха дара ирҭахымхеит.
Аҽтәы спорт алырхит. Аҽы рбеит, уаҳа егьырҭахым.
Аха иахьа атренер дыҟазаргьы, исзаанымкылар
ҟаларын.
– Избан?
– Ҳнаудҵны ҳҿанынаҳха нахыс, исысны сыркит, дызусҭада ибацәажәоз? Ибеиҳәазеи, былахь
зеиқәузеи ҳәа. Ианаҟәымҵӡа, уи сгәы нимырхаӡеит,
уи дуаҩ бзиоуп, шәаб зегь реиҳа изааигәоу иҩыза
иоуп ҳәа расҳәеит. Игәырӷьаҵәа иҟалеит, ҳганы
ҳаибабырбароуп рҳәеит. Ҳаб данбаауеи ҳәа
ҳизҵаауеит анырҳәа, данаауаз диман дааит ҳәа
расҳәан, еиқәсыртәеит.
– Шәаб дааигеит ҳәа ҳабымҳәази, дабаҟоу? – рҳәан,
ран ацәажәара дшаҿыз илхьынԥашаланы дыркит.
Светлана илгәыдырӷәӷәала ирҽны илкыз агазеҭ
ааиҵыхны, раб исахьа ахьаныз длырбеит. Абри иоуп
шәаб лҳәеит. Ахәыҷқәа гәырӷьан, агазеҭ еимырхха
иаанкыланы, раб ихәаԥшра иалагеит.
– Еибашәмырххацәан, агазеҭ шәцәыԥжәар шәаб
арахь дааӡом, – лҳәан, луанытә дқәыԥсычҳауа иаарымылхит. Дахӡыӡаауа лгәы инадылҵеит. Уи ашьҭахь
адуқәагьы ахәыҷқәагьы акыраамҭа ҿымҭӡакәа
игылан. Ахәыҷқәа ран иаалыдҵын, – ҳаби уареи
шәеиҩызцәоума? Уара уанаауаз иаргьы дзымаазеи?
Уажә дабаҟоу? Данбаауеи ҳара ҳашҟа? – рҳәан, иааины Алиас иааидгылеит. Алиас азныказы ахәыҷқәа
рызҵаара аҭак аҟаҵара аԥсра ахикаауа дҟанаҵеит.
Шәаб дыҟам ҳәа ҳәашьа изамҭеит.
– Шәааи, ҳаибадырып шәареи сареи, – иҳәан,
игәы ааиԥсахын, ахәыҷқәа наигәыдиҳәҳәалеит.
– Сара Алиас сыхьӡуп, шәаб иҩыза гәакьа соуп.
Шәара ишәыхьыӡқәоузеи иҳәеит.
Аӡәы, – Сара Алиас сыхьӡуп, – иҳәеит. Егьи, – Сафар сыхьӡуп, – иҳәеит, рылақәа ҭырхаха иҿаԥшуа.
Алиас, иаҳаз ԥхыӡу, лабҿабоу изымдыруа, дгачамкны даанхеит. Светлана Алиас ахәыҷқәа аҭак рыҭара
шицәыхьанҭахаз анылба, асас дышәмыргәаҟын,
«уашьҭан зегьы шәзеиҭеиҳәоит, уажәы иареи сареи еибыҳәатәык ҳамоуп, шәаҳԥырхагамхан, ауаргьала ҭацәны икнаҳауп, агьалара бзиа ишәымбои,
шәызхара шәгьалап лҳәан, хәмарра ишьҭны, лара
Алиас ишҟа даахынҳәит.
– Рыхьӡқәа шџьоушьаз збеит, аха уи шыҟалаз
абас ауп, – ҳәа дналаган, иалҳәеит. – Сафари сареи ҳаибабацыԥхьаӡа уара уӡбахә даналамцәажәоз
ыҟамызт. Сара аҩызцәа рацәаны исымоуп, аха
ахаан исзымԥсахуа, гәыкала исзыҟоу аӡә иоуп. Уи
Алиас ихьӡуп. Иареи сареи ԥсык еицаҳхоуп, иҳәон.
Схәыҷқәа ани... иеициуа ԥсык еицырхоуп, рҳәоит.
Сафари уареи шәыхьӡқәа рыхьӡысҵеит, – лҳәеит.
Уи ашьҭахь Алиас агәра игеит Светланеи Сафарбеии, ирзамуит акәымзар, рыбзиеибабара
шаамҭалатәымыз, ишнаӡаӡатәыз. Ихьӡ аалҳәацыԥхьаӡа лылаӷырӡқәа лҿаҵәо рҿаархон, аха
лхәыҷқәа идмырбакәа илрыцқьон.
Алиас ахәыҷқәа илаԥш изрыдгомызт. Раб иԥсы
ҭалан дибозшәа акәын дышрыхәаԥшуаз. Зынӡа деилазгоз, ԥшрала раб заҟа иеиԥшыз аҟара, рыбжьқәа
рылагьы еиԥшын. Уи иџьеишьоз, арҭ аҽы рыԥсы
алоуп, уаҳа аҽак рҭахӡам. Уи азоуп аҽтәы спорт
иахьынҳалан, икны изрымоу ҳәа Светлана ианылҳәа,
зынӡа изымбатәбарахеит, баша ирымҳәозаап, аб
икәали иҟыбаҩи ихшаз ирылалоит ҳәа...
Шьҭа изаанхаз, Светлана лхәыҷқәеи лареи
Аԥсныҟа иганы, рабду иԥсы шҭоу ҩыџьа имаҭацәа
ирбара акәын.
Алиас игәы иҭеикыз Светлана днартәаны
дазырхәыцны илеиҳәарц ақәикит, аха игәы иҭеикыз
лара заа лцәа иалашәазшәа, иаацәырылган, Аҟәа
данцаз дзықәшәаз ахлымӡаах изеиҭалҳәеит, иаартны илҳәомызт, аха уинахыс Аԥсныҟа ацара
шылцәымыӷхаз лныԥшуан.
Аҟәаҟа ацара атәы алацәажәара шзаацәаз аниба, уи алацәажәара иҽаламгалакәа, ахәыҷқәа рахь
диасны, рацәажәара далагеит иҽраҟаратәны. Раб
итәы далацәажәо даналагалак, игәырӷьаны, иааины иааидгылон, ииҳәоз зегьы гәныркылон, рлымҳа
хәыҷқәа кыдҵан изыӡырҩуан. Нас азҵаарақәа иҭара
иалагон, иара аҭак ҟаиҵон.
– Ҳаб деибашьуазма? Дзеибашьуадаз?
– Ҳаӷацәа драбашьуан.
– Аӷацәа зегьы дыриааиуазма? Робин Гуд иеиԥш
дыӷәӷәазма?
– Шәаб акы дацәшәаӡомызт. Аӷацәа данырбалак,
Робин Гуд даауеит, ҳаишьуеит ҳәа ишәаны иҩны
ицон.
– Ҳаб даныхәыҷыз бзиа иибоз иарбан спорт хкыз?
– Шәара шәеиԥш, шәабгьы зегь реиҳа бзиа иибоз аҽтәы спорт акәын. – Ахәыҷқәа уи даара ргәы

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 18
- Büleklär
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3396Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3393Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3424Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3432Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21970.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3466Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21870.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3501Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3417Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3427Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3430Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3433Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3359Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3359Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 162Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.