LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 16
Süzlärneñ gomumi sanı 3359
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
аан, ирлас ҳаилымгазҭгьы, иџьымшьқәа зегьы
имаӡамызшәа иҵыхны даарылгон.
– Уи аӡәы ицәшәо иакәӡамызт, Алиас абасҟак
дзи-цәшәозеи?
– Митәык ҟаҵаны ишимоу идыруазар ҟалап. –
Ԥыҭ-ҩык аҳәаха рибамҭо иалацәажәон.
– Шәара ишәҳәо иашаӡам. Алиас иакәмызҭгьы,
аԥхьа ҳанеизаз аҽныҵәҟьа имаҵура дамырхуан. Аибашьцәа зегьы ааидгыланы, иахьарнахыс дҳамбароуп рҳәеит. Аизара хзыркәшоз Алиас иакәын, иахиҳәаауазеи ҳәа зегь изыԥшын.
Ахәшьара
ииҭаз
шәгәаламшәои.
Баҭаҟәа
иусураҿы аԥышәа ду имоуп. Иҭыԥ аҿы дшыҟоу
даанҳажьуеит, ҳара ҳидгыланы аус ицааулоит иҳәеит. Изгәамԥхақәаз рацәаҩхеит, аха Алиас
ииҳәаз аӡәгьы дзахымԥеит. Иацтәи ҳаизараҿгьы,
аԥхьатәи аан аҵкысгьы, рыҽдырцәгьеит. Аха Алиас еиҭааникылт. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳқыҭаҿы
иҟалаз аиҭакрақәа, ахала иҟалаз џьышәшьома.
Баҭаҟәа ибзоурала ауп излаҟалаз. Ҳаԥхьаҟагьы
ажәлар ирыхәаша, ирзыҟасҵаша ҳәа агәҭак бзиа
имоуп. Еиҭашәасҳәоит, иааҟаиҵахьоу зегьы, иара
убасгьы, иҟаиҵараны иҟоугьы, иара ихарџьала
ауп излаиҟаиҵо. Ҳаиԥырхагахарым, игәҭакқәа
дырхьыҳагӡап, иҳәан, деиҭеихьчеит. Шәара Алиас
игәра шәымгошәа ауп шәцәажәашьа шыҟоу, – рҳәан,
џьоукы Баҭаҟәа дҳахьчоит ҳәа иалагеит.
– Баҭаҟәа, шәара шәаҵкыс еиӷьны ҳара даадыруеит. Зегьы иара ихарџьала иҟаиҵоит, – иҳәеит Алиас.
Уи ус башамаша имал иҟьаӡом. Абга ахәыц алухра
аҳа, акапеи кылҵәа ауаҩытәыҩса ииҭараны дыҟаӡам.
Абаз каршәны аманаҭ шьҭызхуа иоуп. Абасҟак ииҟьо
аԥара абантәиааигеи? Ҳара ҳмал еимиҵәаз иами?
Ҳатракторқәа,
ҳбульдозерқәа,
аидарамҩангага
амашьынақәа, иҳамаз зегьы Кәыдры нырцә инхоз
аерманцәеи абырзенцәеи ираазырхәада, иара иами?
Уажәы амалаҳәа ирхынҳәны ирҭарызу? Ирҳәахьеит,
еиҭарҳәахьеит, иацгьы аизараҿы ирҳәеит (Шәара
шәыҟамыз, ишәмаҳаи). Баҭаҟәа арҭқәа зегьы иҭахны
акәӡам ишыҟаиҵо, аныха дыкны дамоушәа, мчык
инарҟаҵоит. Уҽумрыцқьар џьаҳанымҟа уагоит ҳәа
акы дыршәаны дамоуп, шәара хшыла даҳкәабоит
ҳәа шәаҿуп, – рҳәан, гәыԥҩык Баҭаҟәа дзыхьчарц
иалагаз ирҿагылт.
Абас, уи аҽны аӡлагара алуқәа ахьынӡагьежьуаз,
«Баҭаҟәа илагара иаҿын, зны иргәӡаны дырлагон,
аҽазны ирџьаџьаны, аҵыхәтәан еиҟәырԥԥаны илагарахь ииасит. Аха, аӡлагара аӡы амҵәазшәа алуқәа
аангылеит, амра аҭашәарахьы ахы анарха, уҳәансҳәанҳәацәа рҿы ҭхаан, уаҳа рылымшо аҟынӡа инеихьан. Ҳазхьымӡаз рацәоуп, уаҵәы иацаҳҵап рҳәан,
еимпны ицеит... ирзымҳәакәа ирцәынхаз ргәы ишалаз.
Уи аҽны, Баҭаҟәа аӡлагараҿы илагара ианаҿыз,
иара икабинет аҿы ихы кны дтәан, Алиас цәгьарас
иҵазгаларызеи ҳәа. Дысԥырсымгар, дсыӷрыӡаараны
дыҟаӡам. Аха иазыскрыда ҳәа дазхәыцуа дтәан.
...Алиаси Ҟанчобеи, аԥхьатәи аизара ашьҭахь,
знык
иадамхаргьы,
еиқәшәаны
еицәажәо
изыҟамлеит. Ҟанчобеи ишьапқәа дыркын, иҩны
ашҭа дынҭыҵны ашә аҟынӡа дзымнеиуа дҟалеит.
Алиас тәамҩахә имаӡамкәа ақыҭа далан. Иани
иабиҵәҟьагьы ргәазхара дрымбацызт. Аҩынтә раан
ирымаз аизара шааилгаз еиԥш, Ҟанчобеи ишҟа дцеит.
Ҟанчобеи даара деигәырӷьеит Алиас ибара.
– Шәышԥеилгеи? Салахәзарц сҭахын, аха
сшьапқәа сара саԥхьа иажәит.
– Уи азын ишәҳәахьоу сгәалашәоит. Хыла уажәыр
аҵкыс, шьапыла уажәыр еиӷьуп ҳәа ҳабацәа ражәа
иалан. Шәыхшыҩ акәын иҳалашәҵарц иаҳҭахыз.
– Уи ухы абзиараз иуҳәоит, сшажәыз сурдырыц
уҭахым. Уи акәым, аҵыхәтәантәи шәеизара шԥацеи?
Уи ауп сгәы иҵхо.
– Шәгәы ишаҭаххашаз ицеит.
– Аура ашаха азԥымҵәеит, ус аума?
– Ааи, шәара ишышәҳәоз иҟалеит. «Аура шаха
баала иркуеит»ҳәа ажәаԥҟа, ҳажәлар ирымоу,
ухы иархәа ҳәа сашәымҳәахьази. Ибзианы схы
иасырхәеит.
Аԥхьаҵәҟьа
иззеилымкааз
рацәаҩхеит.
Ауаҩ изаамхәаз, уаҩы изымҭиуаз Алиас, зегь
ҳзықәгәыӷуаз, Баҭаҟәа ҳқыҭа амал зегьы еимызҵәаз
дааихәеит ҳәа. Абахҭа иҭактәыз ауаҩы ихьчара даҿуп
ҳәа агәынамӡара шрымаз заҟаҩы исарҳәазеи. Урҭ
зегьы ҭакс ирысҭоз удыруама, уара уажәақәа роуп.
«Дҭаҳкыр, ҳара иҳауазеи? Иус ӡбаны, иигаз ирхынҳәны
иаадыргап ҳәа шәыҟоума. Иахьатәи аамҭа злаҟоу
ала, ажәлар рмал уфеит ҳәа аӡәыр дҭаркхьоума?
Ахҿыхшьа рдыруеит. Уи азы иаҭаху аҟәрышь дара
ирымоуп меигӡарахда. Жәлар рмал згаз ишигаз
еиԥш иара имырхынҳәыр амуа дҭаргылатәуп», ҳәа
ҳхала ҳанааизынха исоуҳәаз. Абри абас иҳәеит, аха
дзықәгәыӷуа имоузеи ҳәа сшыҟаз, алымҳаҭас соуит,
Баҭаҟәа иҵыхәа ԥҵәеит ҳәа.
Алиас аизараҿы ишиҳәахьаз еиԥш, абаҟаҟаҵаҩ
дишьҭаланы Аҟәаҟа дцарц иҩны дындәылҵын,
амҩаду аҟынӡа днаӡарц егьшигмыз, Даҭа игәыла
ԥҳәыск дааиԥылт, аԥш лагара илыман дцон
аӡлагарахь. Аԥсшәа шааибырҳәаз еиԥш, бгәыла Даҭа
дышԥаҟоу ҳәа длызҵааит.
– Абарҭ амшқәа рзы инеиужьны дышьҭоуп. Иухьызеи ҳәа ҳаниазҵаалак, акгьы сыхьӡом, иҳәоит.
Икрыфарагьы ссахьеит, ԥасеиԥш иҟаӡам. Ихәы
ҟаҵаны ианизназгалак, ҿаҵак ҩ-ҿаҵак аамихуеит.
Исызхоит иҳәоит. Абас дҟалеит, – лҳәеит.
Саргьы
снахнага-аахнаган,
мчыбжьык
инеиҳангьы иҵуеит снеины дысзымбеижьҭеи, –
иаҳаз ааицәымыӷхеит Алиас.
– Уи акәхап, иацы, аҩны иҟоу (лхаҵа) аусҳәарҭахь
дылбааны дыҟан. Дшаахынҳәыз еиԥш, ибара ҳәа дахьнеиз, уахьыҟаз Алиас џьаракыр дубазар ҳәа дизҵааит. Иҷкәын иеиԥш уибоит. Зегьы
иҳамдыруеи. Угәхьааигоит.
Уи аԥҳәыс абас аниалҳәа ашьҭахь, Алиас Аҟәаҟа
ацара даҟәыҵны, даақәгьежьаан, Даҭа ибара дцеит.
Даҭа дықьуа-дӷызуа дышиаз, Алиас данааҩнала,
ақьрагьы даҟәыҵит, аӷызрагьы даҟәыҵит. Иаразнак игәы хтит, илақәа аатит. Ибара агәахәара инаҭаз
ихы-иҿы ианыԥшит.
– Уажәыҵәҟьа шәызхьаауазеи? – дазҵааит игәы
аҵаҟынӡа днаганы дрыцҳашьо.
– Ауаҩыдароуп сызхьаауа... Уи ахьаақәа зегьы иреицәоу акоуп. Агәылацәа ааиуеит, сырбоит,
сраҳауеит, нап сыгрыжьӡом, аха уара уанызблак,
иара ахәаша дгыланы даазшәа аҟынӡа сгәы иабо салагоит.
– Ишәзаазгаз ахәшәқәа нҵәахьоума? Иахьа
Аҟәаҟа сцараны сыҟоуп, ишәҭаху шәҳәар иаазгоит.
– Уи макьана инымҵәаӡац, аҽа мызкгьы исызхаша аанханы иҟоуп. Сычмазаҩны сзымгыло сышьҭоу
џьушьоит. Акгьы сыхьӡом, усцәымшәан. Амала узбарц заҟа исҭахыз удыруама, мчыбжьык аахыс данбаауеишь ҳәа сузыԥшын.
– Саргьы исҭахын шәбара, шәысхашҭыз
џьышәымшьан. Снабжьҟьаны сааратәы еиԥш аамҭа
смоуит.
– Уара убара есымшагьы исҭахуп, аха мчыбжьык
аахыс убара цәгьалаҵәҟьа саргәаҟуан, акы уасҳәарц
сҭахын. Иуасҳәаанӡа сыԥсыр ҳәа сшәаны сыҟан.
– Лассы-лассы сааны шәахьысымбо азы гәыбӷан
шсышәҭо атәы аума исашәҳәарцы ишәҭаху?
Гәыбӷан акәым, саашәмышьҭыргьы сықәнагоит.
Иаашәҳәо зегь сыдыскылоит. Игәалаҟазаара зынӡа
ишыцәгьамыз аниба иаԥхьа даатәеит.
– Уара гәыбӷан усҭо анцәа имҳәааит... уи акәӡам.
Иацуха ԥхыӡк збан, иуасҳәарц сҭахуп.
Аԥхыӡ бзиа жәбааит, сышәзыӡырҩуеит.
– Кәыркәа ашоураз акәхуп. Ҭаацәала зегьы
ҳаибгоуп. Сафарбеи иани сареи шьыбжьагәазы
ҳаҩны ашҭаҿы игылоу ахьацаҵла ду ашәшьыра
ҳаҵатәахуп. Ҳаҷкәын ҳанбаиргәырӷьои, шьҭа
иаамҭоуп аԥхәысаагара ҳәа ҳалацәажәахуеит. Убри
аамҭаз, иаргьы уаргьы шәыҽқәа шәыҵакәашо,
шәеибаргәырӷьо
ашҭа
шәааҭалахит.
Уара
уааҽыжәԥан, бзиак ҳауҳәарц ушааз мҩашьо, уччаччо уааҳадгылахит. Иара дҽыжәымҵӡакәа, ҳашҟагьы
дымԥшӡакәа, аҩны ашьҭахьҟа днавалахит.
«Ари
иҟаиҵо
змааноузеи,
дҳавсны,
дҳахәамԥшӡакәа дышԥацеи, маҳәра иуашәа», –
ҳҳәахит иани сареи ҳаихыхәмаруа.
«– Шәара шәыхәмаруеит, аха иара дыхәмарӡом.
Иаарласны аҭаца дшәоураны шәыҟоуп, уи азоуп дыԥхашьаны шәышҟа дызцәырымҵуа», – ҳәа
ҳауҳәахит. Ҳаргьы уахи-ҽни ҳаԥшымзи ҳанбагәырӷьои
ҳәа ҳҳәахын, ажәҩан ахь ҳзымԥрит, уаҳа егьҳагымхеит.
Илхузеи, илҵыхәоузеи, дзыжәлада, дабанӡатәиу.
Лани лаби зусҭцәада ҳәа уазҵаара ҳалагахит. Уакуауашьҭуа, аҳәара уҭахымшәа уааҟалахт азныказы,
нас дхаратәуп. Дхазыноуп, лангьы дыҟоуп, лабгьы
дыҟоуп, уаа бзиақәоуп ҳәа ҳауҳәеит.
Даԥсыуаӡами? Аԥснытәӡами? – ҳәа ухҭакны иан
уазҵаара далагахит.
Мап, Аԥснытәӡам, аха ӡӷаб ссирӡак лоуп уҳәахит.
Аԥсны дуӡӡа иара изы ӡӷабк дҟамлаӡеи ҳәа даара илгәамԥхахит... Аԥхьа дааӷьаԥчаԥшәа луит, аха
иаразнак лгәы хьаԥссан, иан дикәыхшоуп, иара
дигәаԥхазар дааигааит, лҳәан дгәырӷьан, дыҩны
дишьҭалахит. Исымбаӡо ицахит иани иареи.
Сара скажьны иабацеи сҳәахын, срышьҭалахит.
Убри аамҭаз сааԥшит. Смааԥшӡакәа усҟан
снышьҭаԥсны
сцазҭгьы
шԥабзиахоз.
Џьарак
ҳаицыҟамлози иҳәан игәы ирԥшаауа далагеит.
– Шәара агәыӷәӷәа змоу ҳәа ауп шәшырдыруа
зыҷкәынцәа ҭахаз, абацәа агәырҩа зманы адунеи ақәзаара зҭахымкәа аҟынӡа инанагахьоу,
заҟаҩы шәрылабжьаны агәырҩа иацәыжәгахьада.
Заҟаҩы рыԥсы шәаԥшәымахахьада. Шәара азин
шәымам агәкажьра. Сафарбеи еиԥш зыхьӡ кашәара
ақәым афырхаҵа иаб, шәҿырԥшыганы шәшыҟоу
шәаанхароуп.
– Сызҭахыда шьҭа сара? – игәы изеиқәҳәаломызт.
Илаӷырӡ намышьҭыкәа иааникылон, Алиас исырбом
ҳәа.
– Шәызҭаху рацәоуп. Ҳаԥхьаҟа еиҳагьы
ирацәаҩхоит. Афырхаҵа иаб даабароуп ҳәа
харантәигьы ишәзаауа иалагоит. Ибаҟа зегьы
иаарылыҳәҳәо ақыҭа агәҭаны иргылахоит. Ҿыц
еибаго арԥызбеи аԥҳәызбеи рчара аҽны азагсахь
ицаанӡа, Сафарбеи ибаҟа аԥхьа игыланы, ҳарҭ, аҿар,
уҿаԥхьа ҭоуба аауеит, уфырхаҵареи уԥсадгьыл абзиабареи ҳҽаԥсаҳтәуеит ҳәа. Шәара макьаназ зыԥсы
ҭоу абаҟа еиԥш шәҳамазароуп.
– Даанӡа умнеиааит, уара уакәхап уи еиԥш
аԥшьызгаз. – Арҭ ажәақәа игәы дырӷәӷәан, ибӷагьы
ааиҵихит.
Даҭа ега игәы каҳаны дыҟазаргьы, Алиас дааны
днаидтәалан, аибашьраан Сафарбеи ажәыларақәа
рҿы иааирԥшуаз афырхаҵарақәа ртәы алацәажәара
даналагалак, игәы шьҭнахуан, агәырҩа хьамҭақәа
имаз, аамҭала акәзаргьы, иханаршҭуан.
– Ишуасҳәахьоу еиԥш, мчыбжьык аахыс убара
саргәаҟуан. Уи аԥхыӡ збеижьҭеи акалашәа сҟалеит.
Аԥхыӡ акрадыруама, азхәыцра иаԥсаӡам зҳәақәо
ыҟоуп. Аха сара аԥхыӡ акы адыруа џьысшьоит. Маанак аҵамкәа иҟаӡам.
– Саҭашәымҵан. Сара аԥхыӡ иаанаго здыруа
сакәӡам. – Даахыхәмаршәа иуит Алиас.
– Саргьы ус аԥхыӡ агәра згаӡомызт, акы адыруеит ҳәа сыҟамызт, аха аҵыхәтәантәи сыԥхыӡ баша
исымбаӡеит, ак иамааноуп. Ауаҩы дгәаҟуа акы
данашьҭоу, аԥхыӡгьы агәра иго аҟынӡа днанагоит.
«Сафарбеи иааиго дхаратәуп»ҳәа ԥхыӡла иани сареи иҳауҳәаз санааԥш нахыс азхәыцра саҿуп. Схы
иҭымҵуа иҭагьежьуа иҭоуп. Уи даара иуасҳәарц
зысҭаххаз, иареи уареи шәанхәыҷыз инаркны
шәеицын, шәеизааигәан, еицшәызҳаит. Ашкол
шәаналга ашьҭахьгьы Аҟәа аҵара еицышәҵон.
Џьарак шәеицынхон. Адунеи аҵыхәан инаркны аԥсшьацәа ҵҩа змамыз Аҟәа иаауан. Шәара
шәыҷкәынцәан, шәшьа шуан, шәда шуан. Џьоуки
шәареи
шәеибамдыркәа,
шәеицымныҟәацкәа
шәҟаларымызт. Изхысҳәаауа, ари ахәаша џьара аӡәы
лҟны уск иман дыҟазҭгьы уара иузымдырц залшом.
Ус аӡәы дыҟан удыруазар, адунеи аҵыхәан дынхозаргьы, слаба сҽанҵаны акәзаргьы слызцоит. Аԥхыӡ
избаз заҟа алабҿаба иазааигәоу уазхәыци, лыҷкәын
данҭаха ашьҭахь ларгьы дишьҭалан дцеит. Уи акы,
ҩба – «харатәуп»ҳәа ԥхыӡла иҳауҳәаз лабҿабахар
ауеит. Уаанӡа иазысымкыцыз ҳәа иҟадаз, ҳқыҭаҿы
ԥҳәызбаки
иареи
еигәаԥхеибашьо
иҟазҭгьы,
исзеилышәкаа ҳәа. Аҭыԥҳацәа ссирқәа маҷҩык
ыҟазма, аха аӡәгьы лҿы ус имаӡамызт. Дызгәаԥхоз
рацәаҩызаарын, аха иара уи аганахь иҿы иааҭыхны
ажәак аӡәгьы илеимҳәаӡацзаарын ҳәа сарҳәеит.
Араҟагьы исзамуит, ус аӡә даацәырҵызҭгьы (уи
еиԥшқәа ҟамлахьеи), сара иара ишҟа сцаанӡа сыԥсы
агәыцә даларгыланы дсымазаауан. Аха уи еиԥш
аразҟы иаргьы саргьы иҳамамзаарын.
Ицәа зхызбаауа ҳәа исзаанханы иҟоу, иԥсы злаз
иҽы заҵәык ауп. Ианызбалак иара дызбазшәа сгәы
ҟалоит, аха лассы-лассы избаӡом.
– Имааижьҭеи акрыҵуама? – Алиас иааицәымыӷхеит.
– Аӷьычцәа, ауаҩра зцәыӡхьоу, ани итәуп ари
итәуп ҳәа иҟоума. Иргазар ҳәа сшәоит. Иҟамижьҭеи
шьҭа мызкы аҵкыс еиҳауп. Аҵыхәтәан ианызбаз,
ишааз, ишцаз атәы уахгьы-ҽынгьы сыбла ихгылоуп.
Шарԥазык иаакылсын, агәашә иадгыланы акьыркьырра иалагеит. Абжьы шсаҳаз еиԥш, Ҟәараса
шакәыз здырын, сеиханы саԥылеит. Снеины санаадгыла, акьыркьырра иааҟәыҵит. Ус иҟанаҵо сымбацызт. Иааиуан, агәашә иаадгылон, ашьҭыбжь
снарҳаӡомызт, ахы насырбаны иаахынҳәны ицон.
Уажәы имыццакӡакәа игылан. Акы санаҳәарц аҭа
хызшәа алақәа рыҭра иҭаргьежьуа. Исоуҳәозеи? Уԥсы
шԥаҭоу ҳәа субарц уаама ҳәа ацәажәара салагеит.
Даара игәхьааганы сыҟан. Схы-сгәы аасханаршҭын,
снадгылан, ахы шьшьуа, ахәда снапқәа акәыршаны
ианаасгәыдсыҳәҳәала, исықәлашьцаны скаҳарц
егьаасыгымхеит.
Аҽаарҵысыр
скаҳауан,
аха
аҽсыдырӷәӷәаланы
иаагылт
сканамыжьырц
иаҿызшәа... – дызлагаз нагӡаны игәы инамырҳәо
аҟынӡа даннеи даангылт.
– Шәгәы шәзырхьша иадыжәбалазеи?
– Аԥырцәқәа ԥаны ишақәыз збеит. Уаанӡагьы
знык избахьан. Усҟан аибашьра ҟамлаӡацызт. Иаразнак сыбла иаахгылт. Шьыбжьхьа сахьӡоит ҳәа
шьыжьымҭанӡа дгылан, акрымфаӡакәа аусурахь дцеит. Шьыбжьышьҭахь ҟалахьеит, дыҟаӡам ҳәа иани
сареи ҳшизыԥшыз, дыхәмаруа, агәалаҟазаара бзиа
иманы ашҭа дааҭалеит. Дҽыжәҵаанӡа иаабеит иҽы
аԥрыцәқәа ԥаны ишақәыз. Иан ари анылба иҽгьы
иаргьы рыкәшара далагеит. Анкьа ус акәын ишыҟаз,
аҷкәыни аӡӷаби еигәаԥхеибашьо ианалагалак,
аҷкәын ажәа хаала дхыхны аҿа лирҳәарц иҽишәон.
Аха аӡӷаб, аԥсуа ҩнаҭа иааӡаз лакәзар, дыԥхашьаны,
уда схәарҭам ҳәа, иахьатәи аҳәсахәыҷқәа ишыҟарҵо
еиԥш, дыԥан ихәда дахьынҳалаӡомызт. Лышьи-лышьи еиқәҵо иара днаидҵны иҽы днадгылон ахы
шьышьуа, иара имырбаӡакәа дыццакны, аԥрыцәқәа
аанкыланы, абырфын чабрала иԥшӡаӡа илԥон. Уи
ала илырдыруан аҿа шилҭаз.
...Ан лыҷкәын иҽы аԥрыцәқәа чабра ԥшӡала
иԥаны ианылба, аҭаца даҳзааигоит, Қәабчараҟа
ухы рханы узгылоузеи? Арахь уааԥшы лҳәан, аҽы
аԥрыцәқәа сырбара далагеит. Аҭаца дрыман ашҭа
иҭалазшәа дгәырӷьон. Саргьы лара леиԥш акәын
сгәы шыҟаз, аха адәахьала исынсырԥшуамызт.
Аԥсуа ҵасла аб ишиаҳауа иҷкәын аԥҳәысаагара атәы
далацәажәомызт, иԥхашьароуп ҳәа иршьон.
Ан рыцҳа зынӡа дикәҵәашаны дылкит, дабатәиу,
илхузеи, илҵыхәоузеи, илыжәлозеи, данбаҳзааугои
ҳәа...
Ҟәараса базҵаа, иареи лареи роуп еицәажәаз,
аҿҳәарагьы ԥызҵәараны иҟоу иара ауп иҳәеит
дахыхәмаруа. Изаалымгаз, иҵалымгалаз ҳәа
иҟоузеи, аха лыхьӡгьы, лыжәлагьы, дахьатәизгьы
имҳәеит. Рацәакгьы даанымхеит, сыццакуеит, аусқәа
сымоуп иҳәан, иангьы саргьы ҳагәқәа ҭгәырӷьаауа
ҳааҟаҵаны дцеит. Уи ашьҭахь иҟалаз усгьы иудыруеит. Аԥҳәысаагара шәазхәыцуа шәҟалама. Уахгьыҽынгьы ахы шәаҿагылан.
Убри аахыс аԥрыцәқәа ԥаны ишақәу иаанханы иҟоума иахьанӡагьы? – Алиас акыр шықәса
игәаҵанӡа иҭаҵәахны имаз маӡак аҽарҿыцын,
ицәеи-ижьи иалаланы, ихы инаркны ишьапаҟынӡа
дааимнадеит, Даҭа Ҟәараса аԥрыцәқәа ртәы аниҳәа.
– Уи анбатәи аамҭоу. Иуасымҳәеит, аԥхьа аԥрыцә
ԥаны ианаабаз аибашьра ҟалаанӡа акәын. Уи
ашьҭахьгьы иԥымтлакәа иаанханы иҟан.
– Уи саргьы исгәалашәоит. Сафарбеи аӡы
данаҳцәагаз ауха ауп ианызбаз Ҟәараса аԥрыцәқәа
ԥаны ишақәыз.
– Аӡы дахьамаз аԥшаанӡа аԥрыцә ԥаны ишақәыз
иақәын. Аӡыжь аҵан дшамаз анаба, изларҳәо ала,
убасҟак абжьы цәгьахеит, Кәыдры нырцә игылаз ираҳауан рҳәеит. Аԥсра иақәшәаз аӡәы иеиԥш,
аӡыжь ихықәгылаз аҵла ахы аннаҟьон рҳәеит.
Ахы шкыднаҟьоз аԥрыцәқәа ԥытлеит. Еилажәжәа
иҟалеит. Иалаԥаз ачабра амҵын аӡы ихшәалазаап.
Сандра дахьӡаны аӡы иамихит. Данааргоз ицааргеит. Даныржузагьы ицыржит. Цакыс иамаз зегьы ирдыруан, аха изԥаз дырзымԥшааит. Аҵыхәтәан иааит
ҳәа санаҿугьы аԥрыцәқәа ҿыц иԥаны иақәын, сгәы
ҭҵәыуо сахьахәаԥшуаз аԥхьатәигьы уажәтәигьы
напык иаԥазшәа ауп ишызбаз. Самыртәеит, самыргылеит. Сгәы иснаҭо салагеит аҿа изҭахьаз
аӡәы иахьагьы лгәы дыҭнымҵәо дҭоуп ҳәа. Аха
игәаӷьны илзымҳәо даанханы дыҟазар ҟалап сҳәан,
илышьҭасҵеит ҳауацәа, ҳҭынхацәа. Аха ҳқыҭаҿы уи
леиԥш аӡәгьы даҳзымԥшааит ҳәа сарҳәеит. Уи шьҭа
уаҳа дцәырымҵуазар акәхап, гәыбӷансгьы илуҭозеи,
лразҟы ҿаҟәаны иаанлыжьуама.
– Сара уажәыҵәҟьа сызшьуа Ҟәараса ауп. Абасҟак
аамҭа ианымаа, иӷьычны иргазар ҳәа сшәоит. Уи
акәын ԥсеивгагас исымаз. Ианааилак сацәажәо салагон. Игылан исзыӡырыҩуан, сгәырҩа хнаҽуазшәа
збон.
– Аҟәантәи сшаахынҳәлак еиԥш сашьҭалоит.
Иахьыҟазаалакгьы исыԥшаауеит. Сшәыҳәоит, шәгәы
кашәмыжьын.
– Амҩа умоуп. Уныскылеит. Угәы ԥысҵәазар
ҟалап. Узқәыло амҩа маншәалахааит! Аҩны
сыҩнаханы сыҟоуп. Ишуҳәаз еиԥш, ибаҟа ргылан
ианыҟала нахыс, ишҟа амҩа сықәзаауеит. Сахьнеиуа, иԥсы ҭаны дысԥылошәа, ахаҳәи сареи ҳазхара
ҳаицәажәалап. Уца, дад, уца, амҩа бзиа уқәлааит!
Амҩа уахьынӡақәу сыԥхыӡгьы наугәаларшәала.
Адунеи аҿы иҟамло егьыҟаӡам. Зны-зынла ауаҩы
дшымгәыӷӡо, ацәгьара дшақәшәо еиԥш, абзиарагьы
дшазыԥшӡам данақәшәогьы ҟалоит, – иҳәан, Алиас
дныҳәаныԥхьан, агәашә дыҭганы доуижьит.
Алиас амҩа дахьынӡақәыз дзызхәыцуаз Даҭа
иԥхыӡ акәын. Ашкол иалганы Аҟәаҟа ианца нахыс,
аҵара ахьынӡарҵоз, хатәы ҩнык аҿы уадак аанкылан еицынхон. Аԥхьатәи амшқәа инадыркны рҵара
иаалгаанӡа иахьцоз, иахьаауаз, изацәажәоз, ԥарада
ианаанхалоз асқьалаҿы ицаны аӷба ааҵәақәа ақәхны
аԥара шдырҳауаз, инадкылан шьаҿас иаархыргахьаз
зегьы игәалаиршәон. Аха ихашҭхьаз даара ирацәан.
Оумак аамҭа бжьымсыцызт, Аҟәа аҵара
анеицырҵоз аахыс, аха уи ашьҭахь ахамышҭыхә ихигеит, аԥсра аҟынӡа днеины дхынҳәит, изныкымкәаиҩынтәымкәа. Акы злеигәалашәозеи иара усгьы.
Ибӷа еихҵәаны еиԥыршьхьеит, ихы еихыхны ихадыргылахьеит. Деиқәхоит ҳәа иҟадаз.
Даҭеи иареи реицәажәара ихы-игәы зегьы
аанарҳәит. Убасҟак дрыцҳаишьеит, игәырҩа
шыхнаҽуа
идыруазҭгьы,
ижьы
ԥҟатәызар
деигӡомызт. Уи ауханӡа Алиас агәра ганы дыҟан
Сафарбеии Шьазинеи бзиа еибабон ҳәа, аибашьра
ҟамлазҭгьы еибагон ҳәа. Зныкымкәа иақәикхьан
Шьазина зны-зынла даалома, шәылбалома ҳәа
дизҵаарц, аха изымгәаӷьит. Ихала иҳәозар ҳәа
дыԥшын.
Ус ирқьабзуп аԥсуаа. Иҳәаны итәоу аԥҳәызба уи
еиԥш арыцҳара анылзыҟалалак, дызгараны иҟаз
иани иаби, лара лтәқәа реиԥш иԥхьаӡаны, илбо далагон. Уи ауаҩра ду ацын. Агәаҟра ззыҟалаз ргәы абаауан. Ҭынхаҵас дырбон. Рыԥсы ахьынӡаҭаз рыҷкәын
ицәа лхырбаауан.
Даҭа зынӡа даламцәажәаӡеит, лыхьӡыҵәҟьагьы
џьара иажәа иалаимҵеит.
Сафарбеии Шьазинеи аҿа еимырдахьазҭгьы,
иан лаҳәшьаԥҳа илзымдыруа ҟалашьа амаӡамызт.
Шьазинеи лареи еиҩызцәан, еизааигәан. Уахгьыҽынгьы еицын, бзиа еибабон. Аӡӷабцәа зегь еиԥшуп
ҳәа рзуҳәар ҟалоит. Абзиабара рзыҵәахӡом. Иахьа
аӡәы бзиа дылбар уаҵәы лҩыза илалымҳәар лгәы
иауӡом. Сафарбеи иан лаҳәшьаԥҳа урҭ ак шрымаз лдырузҭгьы, иани иаби иралымҳәар луазма.
Ус ак ыҟазҭгьы, Даҭа иҷкәын ицәа лхибаауа (иара
иҳәашьа), иԥҳа леиԥш дибо даламгози. Игәырҩа
мыршьыган изыҟамлози. Алиас, Аҟәа дазааигәахо
даналага, аҽа хәыцрак ахь дагеит. «Абасҟак аамҭа
сгәаҵаҿы иҭаҵәахны исымаз, ахаан цәыргашьа
сзаҭом, сыԥсуазаргьы исыцыԥсааит ҳәа акәын
сшыҟаз. Иахьанӡа сцәанырра сжьаны самазаарын.
Шьазинеи Сафарбеии аиҩызара акәзаарын ирзеилаз».
Абыжьбатәи акласс аҟны иантәаз инаркны еицыкәашон. Ашкол аҿы еиҿкааны ирымаз
акәашаратә кружок иалан. Усҟан хәыҷҵас акәын
реибабашьа шыҟаз, ахәыҷра анаҩс аҽак ыҟоуп ҳәа
рцәагьы иаламшәацызт.
Ажәеизатәи акласс аҟынӡа ианнеи, уаанӡатәи
рхәыҷра рышьҭахьҟа иаанхеит.. Ирызгәамҭаӡакәа
реибабашьа, реизыҟазаашьа аҽаԥсахит.
Аԥхьа хәыҷқәаҵас акәызҭгьы ишеицыкәашоз
(хҩык рыкәашара ахьӡын аханатә аахыс инарыгӡоз
аномер), уажәы еидыҽырбало, рыкәашара зынӡа
аҽакхеит. Алиаси Сафарбеии ҷкәынцәа наӡааӡахеит,
еихатыруа,
еихышәашәо
ршьапқәа
адашьма иқәдмырсӡошәа, ахәаԥшҩы илаԥш рхьымӡо,
рӡарақәа ҭкәыцәаа, Шьазина ҭыԥҳанаӡак леиԥш дшеишеиуа, иаалыкәыршаны ирлашо, рыгәҭа дыбжьаргылан асцена ианаақәлалак, ирыхәаԥшуаз шанхон.
Убасҟак еинаалан, убасҟак еиқәшәаны еицыкәашон.
Араионтә
олимпиадахь
ицараны
иҟан
(Уи
аԥхьагьы
знык-ҩынтә
рҽаладырхәхьан,
аԥхьахәқәагьы рҽаԥсартәхьан).
Уажәыгьы ижәгароуп аԥхьахә ҳәа акәашара
иазыҟазҵоз, аурокқәа рышьҭахь иаанкыланы,
тәамҩахә рымҭаӡакәа разыҟаҵара даҿын.
Аԥхын шоура ааԥынрахь иааскьан, амра
кыдшәома уҳәаратәы еиԥш ашоура аҽарцәгьеит.
Алиаси Сафарбеии хыхьтәи рымаҭәақәа ршәырхын,
амаӷрахҵәақәа рыла иқәлеит. Шьазина дыԥхашьан
ус лзыҟамҵеит.
–
Иахьа
аԥхӡы
ӷәӷәаны
ишәылсхраны
сыҟоуп. Мчыбжьык ауп иаҳзаанхаз. Ибзианы
ҳҽазыҟаҳҵароуп, Шьазина баргьы хыхьтәи бымаҭәа
бшәыхны маӷра хҵәала бықәлар бзеиӷьхоит ҳәа сгәы
иаанагоит, – иҳәеит азыҟаҵаҩ.
Шьазина азныказы дыԥхашьан, мап лкит.
– Бҩызцәа роуп, бырцәыԥхашьома, сара бара
бзоуп изысҳәо, – аниҳәа, ишылҭахӡамыз, лырҵаҩ
илеиҳәаз дақә-шаҳаҭхеит.
Аҽыԥсахырҭа
ауадахь
дцеит,
аха
лассы
дыхнымҳәӡеит. Алиаси Сафарбеии дынзырхазеи ҳәа
игылан ишылзыԥшыз, амаӷра хҵәа акофҭа шкәакәа,
лцәа иадшәало, лышәҵаны данаацәырҵ, аҩыџьагьы
шанханы иаанхеит. Ианхәыҷқәаз аахыс есымша ирбоз лакәӡамкәа, зынӡа аҽаӡәызшәа, дкаԥха-каҷҷо
рыбла даахгылт. Уамашәа дбаны ишлыхәаԥшуаз
анылба лхы агарҭа лмоуа дааҟалеит.
– Шәызгылоузеи, шәнеиҿаԥшы-ааиҿаԥшуа, иахьа
шәеи-бабазшәа. Шәалага акәашара ҳәа азыҟаҵаҩ
ибжьы рықәимыргазҭгьы, рылаԥшқәа еидхаланы ишгылаз иаанхон. Ибжьы ацәа иаалнахызшәа
рылаԥш аалҟәырган, акәашара иалагеит, иалагеит
аха ишԥалагеи, иқәԥрааны ицап уҳәарын.
– Шәтемп аашәырмаҷ, шәыццакцәоит. Иахьа
шәыкәашашьа уамашәа избоит, шәыццакцәоит,
ишәыҵалаз сыздырам, акы шәырԥыруа шәамоушәа
збоит, – иҳәеит. Рырҵаҩ ииҳәаз иаанарԥшызшәа
Шьазина рылаԥш аалҟәырган ԥасеиԥш лыцкәашара
иалагеит. Ларгьы аԥарԥалыкь еиԥш дԥырԥыруа днарыбжьалт.
Зынӡа рхы, ргәы ишҭаӡамыз абзиабара аацәырҟьан,
Алиаси Сафарбеии бзиа деицырбеит Шьазина.
Арыжәтә џьбара зылсыз иеиԥш ршьапқәа еилаԥсо
лыцкәашара иаҿын. Шьазинагьы, абжьааԥны еиԥш
акәӡамкәа, зынӡа дышьҭыԥраауа, зны лыблақәа Алиас идхало, аҽазны Сафарбеи иахь ирԥшуа дрыбжьан.
Абас еивагьежьны ишыкәашоз ауп Алиаси Шьазинеи
рмахәарқәа шеидкьыслаз, аҽыԥҳәа амца нарыхҟьаны
ицазшәа рбеит аҩыџьагьы. Инеиҿаԥшит. Ирыхьыз
рзымдырит. Аԥхьа усшәа рбеит, кәицк нарыцрасны
ирылҟьан ицазшәа, аха аҩыџьагьы рыхқәа ирҩахан
ианааиҿаԥш, уи акәиц џьаргьы имцаӡакәа, ихааӡа,
иԥхаӡа рцәеи ржьи иалсны инеины ргәаҵан аҭыԥ
ааннакылт.
Баша ирымҳәозаап, – абзиабара анаауеи ианцои ҳәа аамҭак алхны иамаӡам ҳәа. Иахьхәыҵҟьои,
ианхәыҵҟьои аӡәгьы издырӡом. Уи азы акәзар
акәхап, абзиабара агәра агара цәгьоуп. Зегьынџьара
акәымзаргьы, џьара-џьара аашьа ацашьахоит
зырҳәо.
Алиас ацәанырра иоуз атәы Шьазина ажәакгьы
леимҳәеит. Абжьаратә школ ианалагоз аҽны
иласҳәоит ҳәа игәы иҭакны иман.
Уаанӡа изирхаразгьы, Сафрабеи диԥыҩлар ҳәа
дшәеит. Иара Шьазина дылҿыԥсаауа бзиа дшибаз
еиԥш, Сафарбеигьы бзиа дшибаз иныруа далагеит.
Зныкымкәа, ҩынтәымкәа рылаԥшқәа рзеиҟәымго,
ҿымҭӡакәа гәыла мацара абзиабара ишалацәажәоз
ибахьан.
Уинахыс Алиас блак ала акәын дышлыхәаԥшуаз
Шьазина. Абзиабара зхыжжы ицоз ианхәыҷқәазтәи
реибабашьа акәын илақәа ирхубаауаз.
Сафарбеи иразҟы даԥырхагахар ҳәа дшәан, изаҟа
разаалак ак инимырԥшит. Шьазина лыӡбахәгьы
знык даламцәажәеит.
Ҳаҷкәынцәа еишьцәаҵас еибабоит, аҳәсагьы еицааргароуп ҳәа акәын ишырҳәоз Алиаси Сафарбеии
рабацәа. Иҟаларын ус егьыҟарҵаргьы, аҩыџьагьы
аԥҳәысаагара ишҭагылаз... Аибашьра, шәиԥхьыӡ
згымхаша, заҟаҩы ргәахәтәы иахьнамыгӡацзеи.
Аҟәараш инаркны ахәыцрақәа дызрылымҵӡакәа
дышрылаз Аҟәанӡа дааит. Автобус дшааҭыҵыз
еиԥш, аскульптори иареи еиқәшәараны иахьыҟаз
ахь дцеит. Еиқәшәарц ианыҟаз аамҭа иахыԥахьан,
аха дизыԥшит, еиқәшәеит. Еицәажәеит. Абаҟа дыргыларц иалырхыз аҭыԥ дахәаԥшырц азы Аҟәарашҟа
инеира аҿҳәара арҭеит.
Иус дшаалгаз еиԥш Аҟәарашҟа дхынҳәырц игәы
иҭеикит, аха рқыҭеи ақалақьи ирыбжьаз автобус
заҵәык акәын. Иус далган даанӡа ицахьан. Аҽак дызгоз ҳәа егьыҟамызт уи аҽны. Аҟәа даанхар акәхеит
адырҩаҽнынӡа.
Зыҟны даангылашаз ҭынха ааигәак димамызт,
асасааирҭахь дцеит. Ихала иакәын аномер аҿы
иҟаз. Уи аамҭаз Сандрагьы Аҟәа дааны ианшьа
иҿы дшыҟаз идыруан. Сышҟа даазгап, ҳазхарагьы
ҳаицәажәап иҳәан, зыҟны дыҟаз ителефон аномер
идыруан, дизасит. Аха Сандра ианшьа иаалырҟьан
адабла исзаап, ихәшәтәра ҳәа Краснодарҟа дрыман
амҩа иқәларц аҽеибыҭара иаҿызаарын, неишьа
сымаӡам ҳәа иеиҳәеит. Иалгамҭаз абасгьы ациҵеит:
– Алиас, суҳәоит, уани уаби рыцҳашьа. Уи зысҳәо
уара иудыруеит. Лара лакәзар, сылбацыԥхьаӡа саанкылан дсазҵаауеит, ихәрақәа ӷьахьоума ҳәа. Сгәы
иаанагоит уи дузыԥшуп, улҭахуп, ҳәа. Аҟәа ушыҟоу
лдыруеит. Дымбакәа умцан. Ма ааи ҳәа лаҳәа, ма
мап ҳәа лаҳәа. Дуҭахымзар «дызургәаҟуазеи».
Алиас деибганы Москвантәи даныхынҳә ашьҭахь
иани иаби икәшан дыркит. Ҳаԥсы шҭоу убзиарак
ҳарба. Аӡә даҳзаага, ас уабанӡаҟазаауеи узаҵәӡа,
уҭаацәарадаха? Иуаҳҳәо урҳа, ҳрыцҳашьа ҳәа.
Иҩызцәа Сандра иеиԥш изааигәаӡақәаз анырбалак,
шәҳазиацәажәа, ҳаԥсы шҭоу аӡә даҳзааигар ҳҭахуп.
Иаргьы шьҭа дхәыҷӡам... уахгьы-ҽынгьы азхәыцра
ҳагеит, ус даанхар ҳара ҳашьҭахь иԥсҭазаашьахозеи
ҳәа. Аиашьа анцәа диимҭеит, аиаҳәшьа имаз аӷацәа
дырхәыртәит.
– Игәаԥхо димбац макьаназ, даниба мышкы
даанҳажьӡом, шәгәышәҽанӡамкәа, шәышҭәоу, аҭаца
дҳаман ҳаауеит.
Алиас
уи
аԥҳәызба
зны-зынла
акәын
данигәалашәалоз. Аҵыхәтәантәи аамҭаз акырӡа
ҵуан дигәаламшәацижьҭеи. Сандреи иареи телефонла реицәажәара ирҿыцны дааигәаланаршәеит, Аҟәа
аҵара аниҵоз, ларгьы аҵара лҵон, аха рфакультетқәа
хаз-хазын. Алиас дылгәаԥхеит (еибадыраанӡа).
Лхы илырдырит. Ус илбоз зегьы дырхьынҳало
иҟаз лакәӡамызт, данылба, иԥшра дыхнахит. Ианеибадыр, иԥшреиԥш акәын игәаҭагьы шыҟаз,
диҿыԥсаауа бзиа дылбеит. Ларгьы даара бзиахәӡак
лакәын, лыԥшра, лсахьа, луаҩышьа, лцәажәашьа,
лхымҩаԥгашьа злаҟаз ала акы дсыуандаз ззуҳәашаз
лакәын. Аинститут аҟны аҵара ахьынӡарҵоз ажәа
анбасниҵои ҳәа акәын дшыԥшыз, аха ринстиутут аҟны аҵара зҵоз аӡә леиԥш дыԥхьаӡаны акәын
ианааиқәшәалоз аԥсшәа шлеиҳәоз. Уи ада уаҳа
цәаныррак атәы иаламцәажәаӡакәа аинститут иалгеит. Лара Аҟәа даанхеит. Иара иқыҭахь дцеит. Ас еиԥш
иҟаз аԥхәызба бзиа ус даанрыжьуазма, илышьҭаз
рацәан, аха мап рцәылкуан, иҳәаны итәаз леиԥш
лхы мҩаԥылгон. Алиас иеиӷьу дызбаанӡа ҳәа акәхап,
аӡәгьы ажәа илҭомызт. Аха уи иеиӷьыз длымбазар
акәхап, лгәы длызҭымхуа даанхеит. Алиас иқыҭа
аҟынтәи Аҟәаҟа амҩа данықәлаз, дахьынӡақәызгьы
хықәкы хадас имаз, Сафарбеи ибаҟа аҟаҵареи аргылареи ианаамҭоу ахьӡара акәын.
Сандреи
иареи
телефонла
еицәажәаанӡа
уи аԥхәызбеи иареи реибабара ихгьы, игәгьы
иҭаӡамызт. Сандра гәҭыӷьӷьаала иеиҳәаз, ишьҭахьҟа
дхьанарԥшит. Ҳрыцҳашьа, ҳаԥсы шҭоу аӡә даҳзаага.
Аԥсыгәырҩа аҵкыс абзагәырҩа еицәоуп. Ҳала
уахьынӡамбоз уаби сареи иаҳхаагаз ҳара ҳауп издыруа. Аразҟы ҳамазаарын. Анцәа ҳрыцҳаишьеит.
Уеибга-уеизҩыда уаҳзааит. Ҳара шьҭа наҟ ицо ҳауп.
Убзиара ҳарбаны, ҳаҷкәын заҵә ихала даанаҳмыжьит
ҳәа ҳашьҭахьҟа ҳамԥшуа ҳгәы рҭынчны ҳаԥсы
рҭынчны, амҩа ҳақәҵа ҳәа акырынтә илҳәахьан, аха
иахьеиԥш игәы ихьухьууа иҭамлацызт иан лажәақәа.
Абгьы дацәыԥхашьаны алаҿимҭуашәа ҟаиҵон, аха
ихьааган ишимаз ибон Алиас. Уара аӡәызаҵәык
уоуп иҳамоу ҳазхәаԥшуа ҳәа иан илҳәацыԥхьаӡа,
иаҳәшьазаҵәы ибла даахгылон. Данырхәыз аҽны
инаркны дааидымҵӡакәа дидтәалан, Москваҟа даныргоз дицымцар лымуит, дихыԥсаауан, ак ихьыр
ҳәа дшәон, мызла, ҩымызла дидтәалан, лара лнапала илҭоз ада фатәык ихәда илбаауамызт. Аиашьеи аиаҳәшьеи реибабашьа џьазымшьоз ҳақьымк
дыҟамызт. Маҷӡак деиӷьхо даналага, дхынҳәны дааит, ҳани ҳаби шыҟоу, рыԥсы шҭоу збоит ҳәа. Данцоз
акы лцәа иалашәазшәа, дгәыдкылан-дхыдкылан даанлыжьит.
Дахьааиз, ҳаӷацәа зынӡа иаапкны, ақыҭа иалагьежьуа, хәыҷы днырмыжьуа, ду днырмыжьуа, инырҵәо
ишрылаз анылба, лашьа иавтомат аашьҭыхны еибашьра дцеит, лани лаби бымцан ҳәа илыҳәеит, аха
илымуит, сашьа ишьа зуроуп лҳәан, дырзаанымкылт.
Раԥхьатәи
ажәылараҿы
далаӡит,
иршьыз
алыргеит, ирхәыз алыргеит, аха лара далаӡит,
уаҳагьы дырзымԥшааӡеит. Иахьа уажәыгь хабарда
дыбжьаӡны ды-ҟоуп. Аха ани аби игәаӷьны ирызҳәом
дыҟам ҳәа, издыруада иахьагьы даанханы дыҟазар
ҳәа ргәы ижьажьо иаанагоит.
Сгәы сыдмырхьырц сара иахьсаҳауа саҳәшьа
лыӡбахә рҳәаӡом сани саби.
...Сани саби сыргәаҟрым. Саргьы шьҭа схәыҷӡам.
Сабанӡаԥшызаауеи, насгьы сыззыԥшыда. Шьазина длеиӷьымзаргьы исзыԥшу лахь сцап. Автобус
ашьыбжьышьҭахь ауп ианцо, уаанӡа аамҭа сымоуп. Ҳаиқәшәаны ҳаицәажәап. Иалымҵыргьы аамҭа
аласхызгап ҳәа ӡбаны дышьҭалеит.
Ауха акыраамҭа дмыцәаӡакәа длызхәыцуан.
Лыԥшра, лсахьа, луаҩышьа игәалаиршәон. Ԥҳәызба
ԥшӡан. Илымаз абзиарақәа зегьы лзаанханы илы-
моума? Заҟа шықәса ҵуазеи ҳаибамбеижьҭеи?
Заҟа аамҭа сузыԥшыз, аха уара уахьынтәи
ажәак анысмаҳа, аҭаацәара салалахьеит... Уара
дуеиӷьымзар дуеицәаӡам ҳәа уаҳәан, унаскьаган уоулыжьыр ҟалоит. Уигьы уазхәыцла ҳәа игәы
иҵанаҳәон.
Аус ахьылуаз идыруан, ашьыжьымҭан дҩагылан,
дцарц аҽырхиара дшаҿыз, аамҭа заҟа ыҟоу ибарц
ателевизор ахьынаиркыз, «Иахатәи ахҭысқәа»ҳәа
ицоз арубрика дақәшәан, дазыӡырҩит. Зныкеиԥш
ҩынтәгьы ирҳәеит, «Иаха цхыбжьон Аҟәа ақалақь,
Курченко лыхьӡ зху апаркаҿы, зхаҭара еилкаам
ҩыџьа ԥсшьара иааны иҟаз, зуаҩыбжара аҟынӡа имнеиц ԥҳәыск цәгьала илызныҟәеит, амш лыларгеит, ддырҳәит. Ацәгьара ҟазҵаз аанкыланы ашьауӷа
рақәыршәаразы амилициа аусзуҩцәа рыԥшаара
иаҿуп»ҳәа.
Алиас абри адырраҭара даназыӡырҩы иаразнак иааигәалашәеит Аҟәа аҵара анырҵоз, Сафарбеи дзықәшәахьаз хҭыск. Аҵара ицызҵоз (икурс
аҟынтәи) аӡәы имшира азгәеиҭон. Сафарбеи
ааԥхьара иман. Ахәылбыҽха еидтәалаз аиқәлацәа
рҩыза имшира хааӡа имҩаԥыргеит. Асааҭ жәаҩа иахысхьан ианеимпыз. Сафарбеи аҩныҟа дшаауаз Курченко лыхьӡ зху апарк данаавала ԥҳәыск лыҳәҳәабжь

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 17
- Büleklär
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3396Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3393Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3424Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3432Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21970.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3466Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21870.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3501Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3417Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3427Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3430Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3433Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3359Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3359Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 162Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.