LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 14
Süzlärneñ gomumi sanı 3430
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2159
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
акит, рыбаҩ ахьдырҵәуаз астадион аныҟамла,
аҽыбӷаҟазара ахьырҵоз аипподром аныҟамла,
ршьа шуеит, ржьы шуеит, рымч агарҭа анырмоу абжьысра амҩа иқәлеит. Ари рыцҳарахеит. Аиҟарауаа
рацәаҩхеит. Ацәгьаршыҩцәа ҵҩа рымам. Ауаҩы
ишьра кәтык ашьра ирзаҩызахеит. Ианыхәла нахыс
анхаҩы иҩны ашә аиркуеит. Дшәаны дыздәылҵуам.
Дызшьуа диздыруам, дызхишьаауа издыруам.
Абарҭқәа зегьы (урҭ реиԥш заҟа) чымазара ҿкны
ҳқыҭа иалалеит. Изласаҳауа ала, ҳара ҳқыҭа мацара акәым, егьырҭ ақыҭақәагьы «игьежьуа»ирылоуп
рҳәеит.
Ари еиԥш «ачымазара»гәымха, аԥсуара иазымыч
ҳакәа, ақыҭа иалҵны ацара иаҿуп.
Аибашьраангьы, уи ашьҭахьгьы иаҳцәыӡқәоз чаиума, тракторума, бульдозерума, школума, хыброума, зегь ҳархынҳәыр ҳалшоит, аха аԥсуара ҳцәыӡыр
иаҳзырхынҳәуам.
Ҳаԥсуара ҳархынҳәыр ҳқыҭа ахьышьҭрахь ихын
ҳәуеит.
...Адунеи аҿы ԥсыхәа змам ҳәа егьыҟаӡам аԥсра
ада. Ар рхы ҭызго дрымамкәа аиааира рызгом.
Уи ус шакәу шәарҭ аибашьцәа шәаҟара издыруада. Анхара-анҵыраҿгьы убасҵәҟьа ауп ишыҟоу,
ақыҭауаа рхы ҭызго данырмоу, ԥхьаҟа цашьа
рымаӡам. Шәгәы ишԥаанагои, сара сиашоума? –
Дааҭгылан дрызҵааит Ҟанчобеи.
– Шәара шәиашоуп! – рҳәеит зегьы еицҿакны.
– Аҽазныкгьы сшәызҵаауеит. Ҳқыҭа ахьышьҭра
хьы архынҳәразы, аԥхьа нап зырктәузеи? Ҽнак ала
зегьы ҳзыҟаҵом. Акакала ҳалагароуп.
– Зегьы раԥхьа нап зырктәу, ҳқыҭа аиҳабы иоуп.
Дыԥсахтәуп. Уи ҳқыҭа дахагыланаҵы ԥхьаҟа цашьа
ҳамаӡам, – иҳәеит аинвалид ашьапхҵәа.
– Ҳақәшаҳаҭуп, – рҳәеит зегьы.
– Ҳныҟәызгарыда ҳәа шәгәы иаанагода?
– Алиас, аибашьраан ҳхы ҭызгоз иара иоуп, ҳқыҭа
гьы ҭигоит, – ҳәа зегьы еицҿакны Алиас ихьӡ рҳәеит.
Баҭаҟәа асҵәҟьа дақәгәыӷуамызт.... сара хыхь,
шәара ҵаҟа ҳәа иикақәа џарџаруа дшыҟаз, игәиҽан
ӡамкәа амардуан ааиҵыхны хланҵы дҭарҵазшәа
дааҟалеит.
Алиас ажәак ахымҳәааӡакәа дгылан акыраамҭа.
Баҭаҟәа еиҳагьы игәы ԥнажәон Алиас иҿымҭра.
«Иҭахымшәа дирбоит, арахь ажәлар азыҟаҵаны
изыргылаз иара иоуп. Сара соуп зегь зхароу.
Шәымҵаа-шәымԥшаа шәеизызгада ҳәа санааиз изықәсымцазеи, амчра зкыз сара сакәын.
Акәымзаргьы, шәара шәбунт сҽаласырхәыр сҭахым
ҳәа срылҵны сзымцазеи. Сара сыҟамкәа сшамырхуаз збарын. Иԥшра сажьеит. Гәалак имаӡамшәа
акәын дышсыхәаԥшуаз. Адәахьы ицәырымгаӡакәа
ҩнуҵҟала сгәаӷ дыкны дагозаарын. Уи ауха абгақәа
уеимырыжәжәазҭгьы сҭынчымхози. Уи агәаӷ ауп исхиго. Ақыҭа аиҳабыс даныҟала уахыкгьы саанижьуам. Иҩызцәа ианраҳагьы исанарыжьуам.» Дчалтны
ишихысуаз идыруан, наҳәырҭа имамкәа, ааҳәырҭа
имамкәа игәы цаны дгылан. Иуаҳҳәаз уаҳаит, аҭакс
иҳауҳәо ҳазыԥшуп, ҳәа абыжьқәа ана-ара агара иалагеит. Баҭаҟәа Алиас ибара аԥсра ахикаауан, аха
изымычҳакәа, илақәа цәыҵырҳәҳәаны ишҟа аԥшра
далагеит, ииҳәарызеишь ҳәа, игәы аҭра иҭамгыло.
– Исашәҳәаз саҳаит. Агәра шәсыргоит, ҳқыҭа
иахьазы ишьақәҟьаны иҟоу ашьақәыргыларазы,
ахьышьҭрахь архынҳәразы, схы сшамеигӡо.
Дақәшаҳаҭхеит рҳәан, зегьы еигәырӷьаны, рнап
қәа еинырҟьеит.
– Раԥхьа иҟаҵатәу ҳәа сгәы иаанаго, шәара
ишышәҳәаз еиԥш, ҳар рхы ҭызгаз ҳфырхаҵа, ахаан
зыхьӡ кашәара ақәым Сафарбеи ибаҟа абри ашҭаҿы
аргылара саргьы сақәшаҳаҭуп, – ҳәа дналагеит Алиас.
– Ари имариоу усӡам. Сара амаҵура исыдыжәгалаз
азы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, аха сақәшаҳаҭым, избан
акәзар сара схаан избахьаз асистема акәӡам, иахьа зынӡа аҽакуп. Уи сара сашьцылаанӡа аумаамҭа
аҭахуп. Аамҭа ԥшӡом. Уацныҟәозар ауп. Уи иахьазы
сара исылшаратәы сыҟам. Акы, сгәабзиара макьа-
на иӷәӷәамхацт. Аҩба, аԥышәа сымам. Сара схаан
иҟаз акәӡам, иахьа асистема, ԥхьан ишысҳәаз еиԥш,
зынӡа аҽакуп. Иахьа дыҟоуп, акрызмоу, акырзылшо,
иахьгатәу здыруа, иахьаагатәу здыруа анапхгаҩы.
Урҭқәа зегьы ирхысхьоу, изҵахьоу иоуп Баҭаҟәа.
Дахьыҟоу иҭыԥ аҿы даанҳажьып. Изышәҳәақәаз
зегьы саҳаит, аха гха змам ҳәа дҟамлаӡац. Гхақәак
имазаргьы ианаҳажьып, ҳнаивагыланы аус еицаауп.
Баҭаҟәа сеилагазар ҟалап, исаҳауа закәызеи ҳәа
агәра изымго даанхеит.
Баҭаҟәа иеиԥшҵәҟьа аизара зегьы шанхеит.
Ажәак аӡәгьы иҿамшәо еиқәышьшьы иаагылт,
инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшуа.
Алиас иакәымкәа аҽаӡәы иҳәазгьы, Баҭаҟәа
иҭыԥ аҿы даанҳажьуеит ҳәа, акакеиҳәа иҵаҟьаны
дықәрцон.
Аха Алиас ақыҭа заҟа игәы азыбылуази, иуаҩреи,
иламыси, ицқьареи, ифырхаҵареи ззымдыруаз, иу
ҳәаз ҳадаҳкылом ҳәа аӡәы иҿыҵымҟьеит.
Аизара ианалга ашьҭахьгьы гәыԥ-гәыԥ еидгыланы излацәажәоз Алиас абас шԥаҟаиҵеи, ҳқыҭа зегьы цәзырҳәыз, аӷәцәҳәы ҳақәзыртәаз Баҭаҟәа иҭыԥ
аҿы даанхааит шԥеиҳәеи ҳәа акәын. Аҵыхәтәанӡа
Ҟанчобеи иааикәшаны дыркит, шәара ишәзымдыруа
ҟалашьа амаӡам, Алиас Баҭаҟәа дахьихьчаз иаанагозеи? Баҭаҟәа ҳқыҭа шыҵаирбгаз шәара шәеиԥш издыруада? Уи акәымзи ҳааиқәшәацыԥхьаӡа ишәҳәоз.
Уара иҟауҵо иашаӡам ҳәа Алиас изиашәымҳәазеи
иахьа ҳәа.
– Шәмыццакын. Алиас иаабац иоуп. Амалахазгьы шәгәы иаанамгааит дҳацәхьаҵит, Баҭаҟәа дидгылеит ҳәа. Уи, шәара шәахьыҟоу иаргьы дыҟоуп.
Иахьа ус зыҟаиҵаз, уамашәа ишәымбан. Алиас
ҳара иаҳзымдыруа ак идыруазар ҟалоит. Агәра
шәсыргоит, уи џьара акы дӡаамԥшылозҭгьы ус
ҟаиҵомызт. Игәы нышәмырхан. Аамҭа иаҳнарбоит
зегьы, – ҳәа рыгәшәымшәа ҳәаны иааиқәиртәеит.
Баҭаҟәа уи аҽны ҿыц дизшәа, ирбахьоу
иакәӡамкәа, дааҳәит.
Есышьыжьымҭан,
ианаамҭаз,
минуҭкгьы
иҽагмырхакәа, аусурахь аара далагеит.
Алиас иакәызшәа ақыҭа аиҳабы, дизымҵаакәа
акы инапы аиркуамызт.
Аибашьра ашьҭахь аахыс лашарада иаанханы иҟаз ақыҭа абжеиҳарак, жәамш рыҩнуҵҟала,
ашьаҟақәа арсны, афымца цәаҳәақәа кнаҳаны,
лашарак аабараны ҳаҟаӡам ҳәа згәы ԥҵәаны
еиқәылашьца итәаз, зынӡа ишақәымӷәыӷӡоз, алашара каххаа ианроу, игәырӷьеит. Иаҳзыҟазҵада,
ҭынхас иҳазкашәаз дызусҭада ҳәа ада ҳәатәы рымамызт акыраамҭа.
– Баҭаҟәа иоуп иҟазҵаз, дашьҭаланы Очамчыра
дцеит. Аҟәа дцеит. Иҭаххар иҟаимҵо ҳәа иҟоузеи.
Иахьабалак ауаа имоуп, – рҳәон џьоукы.
– Нас, абасҟак аамҭа ҳазиргәаҟуаз, ианаџьалбеит.
Лашарак ҳмырбаӡакәа абраанӡа ҳзааигазеи, – рҳәон
аҽаџьоукы.
– Шәанаџьалбеит, џьоук шәышԥаҟоу уҳәаруазеи,
абзиара анаҳзиугьы ишәгәаԥхом, – ҳәа идгылозгьы
ыҟан.
– Сара агәра сызгом Баҭаҟәа дҳацәнымхоны
азы ауп алашара ҳауа ҳзыҟаиҵаз ҳәа. Уи мчымхарак инарҟаҵеит. Ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы ахашшаара ҳаҿымзи. Хыхьынтәи адҵа имоукәа дыҟам, –
иҳәеит ашьапызаҵә. Баҭаҟәа иҟаиҵаҵәҟьеит ҳәа
агәра рзымго ишыҟаз, мчыбжьык ааҵаанӡа, ақыҭа
зегьы иалаҩит, аибашьра нҵәазар аахыс аус змуӡоз
рзеиԥш ӡлагара аус ауа иалагеит ҳәа анраҳа. Уи даара агәахәара рнаҭеит. Аибашьра аанҵәеит, алуқәа
аҵыхны иӷьычны иргеит. Ӡлагарада ианаанха,
ажәытәан еиԥш, анапыла луқәа ԥшааны, иқәыргылан
напыла алагара иаҿын.
Алуҟьанта ҳшахоз ҳмахәарқәа ҿыҵит ҳәа Баҭаҟәа
иҟны ҳнеины ҳхы ҳанахашшаалак, ишԥашәзызури
сара, ҳаӷацәа ақырҭцәа анцоз алуқәагьы аанырмыжьит, ирыманы ицеит ҳәа ҳаиҳәеит. Аӡлагара аус
ауа иахьалагаз еиҳаракгьы гәахәарас изроуз, рыҩны
иштәаз агәҿыӷь иагахьаз аиҿцәажәарҭа аҭыԥ роуит.
Жәытәнатә аахыс, арадио аныҟамыз, ателехаԥшра
аныҟамыз жәабжьыс иааҟалоз зегьы аӡлагараҿы
акәын иахьуаҳауаз. Алагатә змазгьы, измамызгьы рзеиԥш ӡлагара аусура иалагеит ҳәа анраҳа
абыргцәа шьыжьымҭан иҩагылан, рырахәқәа ааилырганы аӡлагарахь ицон. Еизарак ахь ицозшәа
ԥхьаӡаны. Рызхара еицәажәон. Агәырҩа змаз,
ргәырҩақәа аамҭала акәзаргьы ирхадыршҭуан.
Алафҳәара аҟынӡа ианнеиуазгьы ҟалон. Убри
аамҭазы даацәырҵуан Ҷаӷьыц.
Уи алафҳәареи ахьӡыртәреи илан, аха аҵыхәтәан
тәи аамҭазы даҟәыҵны дыҟан. Узаҟәыҵзеи, ҳааур
ччалон ҳәа аниарҳәалак, шәара ишәмаҳахьеи,
аԥсаатәқәа зегьы ашәа рҳәоит ардәына ада.
Узаҟәыҵзеи ашәаҳәара ҳәа ианазҵаа, ахьшь схы
ианықәс издыруаз зегьы сханаршҭит аҳәеит. Саргьы
уи ауп исыхьыз, ауарбажә схы иқәсын, издырқәоз
зегьы сханаршҭит, иҳәон.
Ауарбажә ҳәа ззиҳәоз зегьы дырдыруан, аччара
иалагон.
Иуцыччо урыцыччала ҳәа шырҳәо еиԥш, Баҭа
ҟәагьы дрыцыччошәа ҟаиҵон, аха игәы ԥнажәон,
ахы ақәсра закәу усырбап, уара амри, ухы кәымпыл
ухагыламызшәа иухыскәыцәаауеит ҳәа акырынтә
иақәикхьан, аха зышәшьыра дыҵагылаз – игәыӷырҭа
ду, ачҳара умазароуп... «Акыр зычҳаз акрифеит»ҳәа
иҳәо акырынтә иаҳахьан (Аҩыџьагьы акрыфара
акәын рхы иҭаз). Уи анааигәалашәалак, игәаара
наихҟьа ицон...
Ажәытә-аҿатә ирхыргахьаз зегьы ргәаладыршәон.
Ажәакала, аӡлагара шықәсала, аибашьра ианалагаз
аахыс еибамбацыз ауаа еибанарбеит.
– Ҳаӡлагара аус ауа иҟазҵаз ауаа дырныҳәааит,
анцәа диныҳәааит, ҳазхара ҳаибаирбеит, – рҳәон.
– Алуқәа ақырҭцәа ықәҵны ианцоз иргеит ҳәа
ҳаиҳәахьан. Ирымыхны иааигама, ишԥаҟалеи? – ҳәа
џьоукы уамашәа ирбон.
– Аҽа луқәазар ҟалап, акәымзар Қырҭтәыла дцаны ирымхны аагашьас имаз? – рҳәон аҽаџьоукы.
– Мап, ҳалуқәа уажә иаабама, Алма Ачба дуӡӡа ҳәа
изышьҭаз илуқәа рами, – ҳәа аҽаӡә даагылон.
– Аиаша шәҭахызар, ҳалуқәа Қырҭтәылаҟа акәӡам
иахьцаз, Кәыдры нырцәҟоуп. Иӷьычны ирымгаӡеит,
ираадырхәеит, ираазырхәаз иоуп ирымхны иаазгазгьы... – Иҳәеит аӡлагарахьча.
– Шәырҟәаҵ, уара, шьҭа урҭ алуқәа, иахьынтә
ааигазаалакгьы иааигеит, Баҭаҟәа ҳиркьаҭеит. Уи
иакәмызҭгьы, ҳаӡлагара лаго иаабараны ҳаҟазма,
алуҟьантақәа рыргьежьра напыла ҳаҿызаарын.
Ҳаргьы абра ҳаиқәшәо, ҳаибабо ҳзыҟаломызт. Аиаша
шәасҳәоит, амиллион иаҳзаԥсоуп. Саԥхьа Џьансыхә
ишиҳәаз еиԥш, ҳаибанарбеит, ҳаинарцәажәеит.
Аԥсраҿы унеир, уҵәыуан ушаақәҵыз, аӡә иацәа
жәаха урҭома: «Ҳаилаумырхан. Ихымҭәалакәа узцом. Аԥшәма игәы иаласуеит, – ҳәа аилыргаҩ уиман артәарахьы иҿынеихоит. Мап уҳәар иураны
дыҟаӡам. Уқәшьны уигоит. Ачараҿы унеир увараҿы
итәоуҵәҟьагьы узиацәажәом. Абыжьқәа еиныҩшьа
рымаӡам,
иааҟәымҵӡакәа
амузыка
ҳәҳәоит,
узҵатәоу ашьаԥа ахыб ақәхны иагап угәахәуп. Даара
зхы «ацәа жәпам»аҩнуҵҟа иҭоу зегьы ҭнаҟьоит.
– Қамс, иуҳәо зегьы иашоуп, аха ҳаӡлагара алуқәа
рхала рҭыԥ иахыҵны игәаргәалеиуа аулица ианыланы ицоз џьушьома. Изеицәааӡарызеи, ҳаӡлагара
алуқәа аибашьра ашьҭахь изҭиз Баҭаҟәа иоуп.
Кәыдры нырцә инхо ерманцәақәак ирааирхәеит.
– Нас, рхала ибналаны арахь иаҳзаама? – иҳәеит
аӡәы, иаԥхьа ицәажәоз ииҳәаз рацәаӡак игәамԥхо.
– Изласаҳаз ала, дцан, иршәаны, ирымхны иааигеит рҳәоит.
– Иӷьычны ирымгазар, иара ирааирхәазар,
иршәаны ишԥарымихуаз?
– Уи ибӷа ӷәӷәоуп. Ҳара напыла алуқәа шҳар
гьежьуаз ҳабӷа ԥҵәахьеит. Уи ауп зегь изыҟарҵо.
Ҳара ҳнапылуқәа рыргьежьра аҵкыс изымариоуп Аԥсны зегьы аргьежьра. Баҭаҟәа зыбӷа имоу,
Дадаҳ ҳәа изышьҭоу, иҭаххар ҽнак ала абаа иргылоит, иҭахымхар, шьыбжьаанӡа ирбгоит. Алуқәа
ртәы ауп ишәҳәо. Шәаангыл шьҭа, иҟалозар. Урҭ
шәылуқәа раҵкыс жәантә еиҳаны шәзеигәырӷьаша
аҽа жәабжьк шәзаазгеит, – иҳәан, даарылагылт ибжьы гәаҩаӡа, арахь уахьихәаԥшуа, ишырҳәо еиԥш,
ҵәык азна акәац иқәӡамкәа хаҵа аукы.
Алуқәа иаарҟәаҵын, ахаҵа ау иаҳзааугазеи
жәабжь ҿыцыс ҳәа дыркит.
– Ҳатракторқәа ҩба хынҳәны иааит, иаха
ахәылбыҽха, – иҳәеит уи.
– Ииашаны иуҳәама? – алуқәа ртәы иааҟәыҵын,
– ажәабажь ссир ҳзааугеит. Уара ухаҭа иубама
атракторқәа? Уҳәансҳәанымзааит, – рҳәан, икәшаны
иаагылт. Иацҵаны аҳәарақәа зны-зынла ишиласуаз
рдыруан азы, иреиҳәаз инагӡаны агәра рзымгеит.
– Сара схаҭа исымбеит, аха зылала избаз
исеиҳәеит, аҽада шәзысмырҟаауазар (лафкгьы
налаҵо) , атракторқәа ҩба ҳусҳәарҭа ашҭа иҭагы
лоуп, – иҳәеит уи.
– Ацәмаақәа ҳшырхьынҳалаз ҳархаԥсхьан. Ари
иҳаиҳәаз иашазар ҳабгьы ԥсхәы иҭахым. Насгьы, иарбан аамҭоу ианҳауз, ианаҳзааз, – рызегь гәырӷьеит.
Шьыжьымҭан аахыс, уаҳа бзиас иҳаҳарызеишь
ҳәа итәаз, инабжьырҟьан акы ҳнацҳаны ҳаауеит
ҳәа рыҩныҟа ицарц ашҭа иҭыҵхьазгьы, ари еиԥш
агәырӷьаҿҳәаша рлымҳа ианҭас, изцоз рыкрыфара
ргәалашәо иҟамлеит. Рызхара ыфаны ихынҳәызшәа,
ргәы ҭәит атракторқәа рзааит ҳәа анраҳа.
Агәра ргару ирымгару рзымдыруа, рыгәқәа
хыҭхыҭуа ишгылаз, аусҳәарҭа аԥхьаҵәҟьа инхо ауаҩ
бырг Ҭархәына, ааҵәа хәыҷык азна аџьықәреи злагоит ҳәа иманы даарылагылт.
– Абри иоуп аиаша здыруа. Ҳусҳәарҭа аԥхьа дынхоит, атракторқәа ааганы идыргылаҵәҟьазар мбашьа имаӡамызт, – рҳәан, иааҵәа хәыҷы дызҵаз
аҵыҵыхаҵәҟьагьы ирымҭеит. Идеизаланы изҵааит.
Ишәаҳаз иашоуп, иаха ахәылбыҽха ҩ-тракторк
ҳзаан, аусҳәарҭа ашҭа иҭагылоуп. Уи еиԥш абзиара
ду ҳзызуз ҳаиҳабыра ракәхап. Ныҳәаԥхьыӡ иҟоу зегьы рыгымхааит.
– Амин, анцәа иуциҳәааит, – ҳәа зегьы ицдырӷы
зит.
Зегьы гәырӷьеит, аганахь игылаз хаҵа аԥшьык
ида. Атракторқәа ҳзааргеит ҳәа анырҳәа нахыс, илабашьа иҵарсны, иа шәиу, шәиу ҳәа ашәышәра далагеит. Зегь ирҳәашаз рҳәеит, иара дааҟәымҵӡакәа
ашәышәра даҿын.
– Измааноузеи, уара, алаҵгара уцошәа ашәышәра
уаҿуп. Атракторқәа ахьҳауз уамеигәырӷьауеи? Аибашьра ашьҭахь урҭ рымамзаара заҟа ҳаргәаҟхьоу
умдыруеи, – рҳәеит, уи ахаҵа ау иҟаиҵоз уамашәа
ибаны.
– Ишәҳәо закәызеи, шәеилагама, уи сгәы ишԥа
мыхәеи. Аха сара сеилазго аҽакуп. Аибашьра
ашьҭахь иаҳцәыӡны иҟаз ҳатракторқәа абасҟак
аамҭа иабаҟаз? Насгьы, ирхынҳәны иаазгада? Изгаз
идырхынҳәырц азы акәӡамызт...
– Уи уара иалудыраауазеи? Ианыргоз убама?
– Избеит азы ауп изысҳәо. Сыжә сашьҭаланы ҽнак
Кәыдры аԥшаҳәа сшаныз, ҳатракторқәа аҩбагьы
рыманы нырцәҟа ираагоит ҳәа ишаҿыз, Наатәқәак
ҩыџьа аурымцәа саарыдгылт. Ашарԥазы акәын, аха
ҳара ҳатракторқәа шракәыз здырит. Арҭ ҳара ҳтәқәа
роуп, иабажәгои ҳәа санаарҿагыла, иацы шәара
шәтәқәа ракәын, аха урҭ иахьа ҳара иаҳтәуп рҳәеит.
Иҳацәӷьычны ижәгарц шәаҿума ҳәа аҳәҳәара саналага (ула шааԥшуаз уандырҳәуаз аамҭа азы акәын),
мап, ҳара ишәцәыҳамӷьычӡеит, ахә рхаҳшәааит.
Ҳагәра умгозар, уеиҳабыра уразҵаа рҳәан, сыла
ишабоз аӡы ирганы иргеит. Сшыҩуаз сцаны аиҳабы
иасҳәеит избази исаҳази. Аха зынӡа хьаасгьы
иҟаимҵеит. Уара ахҭыԥшша, аӷьыч сӷьычуп ҳәа иҳәо
уаҳахьоума. Иаахәаны иаагоит ҳәа уарҳәеит. Уара
уҭыԥаҿы агәаҵәа змаз аӡә дрықәшәазҭгьы, рцәа
иҭцаны акәын ишрымихуаз ҳәа сара аара сыдиҵарц
далагеит.
– Иуеиҳәаз иашаӡам, иара ихаҭа ирааирхәеит,
аԥара ду аҭнихит. Ҳара капеикылҵәакгьы ҳаимыр
кит ҳәа сарҳәеит.
Ҳатракторқәа ахьагаз здыруеит, ҳрышьҭалап.
Ҳқыҭа аиҳабы ҳаизашшып, ишиҭиз ҳҳәап, Очамчыра ҳцап, Аҟәа ҳцап. Тракторда нхашьа шҳамам
ҳәа аӡәык-ҩыџьак ирасҳәеит, аха мап сцәыркит.
Урҭ зусҭцәоу рыхьыӡ сҳәарц сҭахым. Ҳара шшра
ҳазцом. Зыҟны ҳашшуада, ҵаҟа инаркны хыхьынӡа
зегьы иара итәқәа роуп. Уи адагьы ашшҩы аӡәгьы
диҭахӡам иахьа, амал аӷьычра ауп изҿу. Урҭ зегьы
еибаҟьашьхьеит. Уаргьы иуаҳҳәо урҳа акәымзар,
уаԥхьа аиаша ааҳарԥшуеит ҳәа иалагақәахьаз иры-
хьыз ухьуеит, ахьшь нышьҭасны, ишьҭԥааны иагаз акәҷышь еиԥш инкылахәаша иӡит, рҳарҭасырҭа
уаҩы имбо. Уара нап злоукыз зҩыҵра дыҵакны даазго зегь зымчу думдыруеи. Иҭаххар ҽнак ала зегь
ҭеикуеит. Иааиҭахымхар адырҩаҽны зегь ауижьуеит, ҽнак изаауеит, адырҩаҽны ихыԥсаауеит.
– Иуҳәаз ҳаҳаит, ус иҟалама ас иҟалама. Ишыҟла
заалакгьы ҳатракторқәа ҳауит. Ҳаӡлагара амышьҭа
бзиоуп. Ҳааицыԥхьаӡа ҳгәы иахәаша ҳанаҳәоит.
Иахьатәи ҳаицәажәара аанаҳкылап, аӡлагара аибафара иалагаанӡа, рҳәан, – ахәылбыҽха ҟало ианалага, уаҵәынӡа абзиала ҳәа еибыҳәаны, рыҩнқәа рахь
ицеит игәырӷьаҵәа.
Атракторқәа мышкгьы ԥштәыс ирықәымшәеит,
зегь раԥхьа аибашьра иҭахаз рҭаацәа рымхқәа
рыцәаӷәара иалагеит. Ҳара шьҭа ҳазҭахыда, аӡәыр
дҳацхраараны дыҟоума ҳәа ргәы каҳаны ишыҟаз,
атракторқәа аакылсын, рымхқәа рыцәаӷәара ианалага, аԥсҭазаара ргәы ахылеит. Ҳаҷкәынцәа ыҟам,
аха рҩызцәа ҳархадмыршҭуазаап, рҳәан.
...Ҳаӡлагараҿы, ҳнеицыԥхьаӡа ҳгәы иахәаша
ҳаҳауеит ҳәа есымшаҵәҟьа акәымзаргьы, аха шаароулак еиԥш цәажәара ҳәа еизон.
Уи аҽынгьы иахьа жәабжь ҿыцс иҳаҳарызеи ҳәа
шьыбжьон еизаны ишыҟаз, ауаҩ аԥшь (уи иакәын
еиҳарак ажәабжь ҿыцқәа аазгалоз, иахьа иҿыцу ҳәа
егьҳмаҳаит ҳәа еимпны ицарц ишаҿыз), срыхьӡаны
исызраҳәандаз ҳәа деиханы дшаауаз мҩашьо,
дҳақьԥсықьуа даарыдгылан, даара шәгәы иахәаша
ажәабжь шәзаазгеит ҳәа рылеиҳәеит. Иҳәашьа злаҟаз
ала, ргәы иахәаша акәым, иргәамԥхашаз ажәабжьк
шырзааигаз иажәақәа ирыҵҩуан.
– Ажәабжьс иаҳзааугазеи? Ҳмыргәаҟкәа иҳаҳәа, –
рҳәан иааикәшеит.
– Алиас, зегь ҳазхыҽхәоз, зегь ҳзықәгәыӷуаз Баҭа
ҟәа дааихәеит, – иҳәеит уи ахаҵа, даара игәы иаалырсны.
– Иҳауҳәо закәызеи, уара? Алиас иуҭиуеи иааухәои
дреиуоума. Иабантәиааугеи ари еиԥш ажәабжь
ҟьала? Дааины данааҳалагыла нахыс дырҟьашьырц
иалагеит, – рҳәан, зегьы рхы иақәырҵеит ираҳаз.
– Баҭаҟәа амал имоуп, уи иааимхәои иимҭиуеи дарбану. Иахьа ауаа шаархәо ишырҭиуа шәзымдырӡои.
Шәара макьанагьы Асовет мчра шәзалымҵӡакәа
шәалаханы шәыҟоуп.
– Дышԥааихәеи, уара. Цасҳәа иуҳәома? –
рыбжьқәа еиҳа-еиҳа идухо иалагеит.
– Заҟа ҳәа дааихәаз шәасҳәарц шәҭахума? Иа
нышәмуӡа ишәасҳәоит. Баҭаҟәа Алиас машьынак
ҳәа дааихәеит. Изымҭода, иашҭа азна иҭагылаз
днарылаԥшын, иреиӷьыз аалхны ҳамҭас ииҭеит.
– Уи еиԥш ҟалашьа амаӡам. Алиас зегьы ҳа
шиқәгәыӷуа идыруеит. Ҳазегьы иаара ҳазыԥ
шын. Дхынҳәижьҭеи уамак шымҵуагьы, ҳқыҭа
ахи-аҵыхәеи далсны ҳҭагылазаашьа ибахьеит. Баҭаҟәа аибашьра ашьҭахь ҳқыҭа иазааигаз,
аӷәцәҳәы ишықәиртәаз идыруеит. Ара аӡлагараҿы
иаҳҳәалакгьы ауеит, аха Алиас Баҭаҟәа машьанак
азы дааихәеит ҳәа уҿы иааҭыхны џьара иумҳәароуп.
– Иҿы ашәмыркын, иҟалозар. Уи ак имаҳаӡакәа
ихы иҭиҳәаауамызт. Сара уи ииҳәаз агәра згоит. Аизара аҽны ҳшеилгаз шәазхәыци? – иҳәан, аҽаӡәы
иԥаҵеиқәаҵәақәа ыршаны даарҿагылт. – Алиас
абра игылоу зегьы шәаҵкыс сара дысзааигәоуп.
Ҳаицеибашьхьеит... ҳаицырхәхьеит. Иаҳхаҳамгац
ҳәа иҟоузеи, схы еиԥш игәра згон, аха аизара
ашьҭахь, игәра сзымго саанхеит.
– Аҵыхәтәан, аизараҿы ажәа аниаҳҭа ашьҭахь
(зегьы агәра ганы ҳаҟан), Баҭаҟәа илымҳа саркьада
ибараҳа ақыҭа аиҳабыра уаҳа ила иабо даанхоит ҳәа
ҳаҟамызт. Дахьаанижьыз уаҳа налымшо аҟынӡа зегьы иргәамԥхеит. Иаҳгәалаҳаршәап ииҳәаз ажәақәа:
«Баҭаҟәа аԥышәа имоуп. Ҳивагыланы аус ицаауп.
Иҿаҳҵааша рацәоуп».
– Даҽаӡәы иакәны ус иҳәазҭгьы, ианаҳажьуамызт.
Аха Алиас зегь ҳзыҳәан дымчыроуп. Ианаҳачҳаит.
Иаҳзиуз чҳаны ҳазегь ҳгәы ишалаз, ажәак
иамҳәаӡакәа ҳаимпны ҳцеит. Аизара ашьҭахь
еиҳагьы урҭ еизааигәахеит рҳәоит. Есымша
еиқәшәоит. Излацәажәо ауаҩы издырам. Дхихит.
Саргьы исаҳаит, амашьына ҳамҭас ииҭеит ҳәа.
– Уара ишуҳәо еиԥшҵәҟьа иҟаларым. Алиас иаадыруа иакәзар, ус иаармарианы Баҭаҟәа инапаҿы
дизаагом.
Сара сгәы иаанаго зынӡа аҽакуп. Иҟалап Алиас
ҳара иаҳзымдыруа џьара акы идыруазар, Баҭаҟәа
еиқәирҽаҽахьоу. Иаҳҳәап, аибашьраан.
– Шәҩыџьагьы сшәықәшаҳаҭуп. Алиас џьара акы
дӡааԥшылоит. Уара иуҳәаз, – аԥаҵеиқәаҵәа иахь
даахьаҳәын, – «Алиас Баҭаҟәа ихы дҭарԥаны димоуп... Иахьааиҭаххо дигоит, уахгьы-ҽынгьы еицуп»
ҳәа иҳауҳәаз иашам. Зынӡа сақәшаҳаҭым.
– Излазбо ала, сара саҵкыс Алиас шәара дышәҭаху
шәа ауп шәышцәажәо. Сара сзыцәшәо, Алиас аума
ихигахьеит, ахәрақәа заҟа имоу жәдыруеит, цқьа
дыӷәӷәамхацт. Баҭаҟәа ақәыџьма дирҟьалар алшоит.
– Ҳаԥшып, аамҭа иаҳнарбоит зегьы, – ҳәа ианааимпуаз аамҭаз, дҳәарсалеиуа даакылҟьеит Ҷыӷьыц,
ибз даасуа. Шьҭа уи аӡәы дирцәажәараны дыҟазма,
иҿы еихихаанӡа автомат еиԥш апҟҟаҳәа иажәақәа
ҭыҟьҟьаны ацара иалагон. Ҿааихак ҟамҵаӡакәа
ииҭахыз иҳәар акәын. Амала, бзиарас имаз,
ҵабыргымзар, мцык дырны иажәа иалаиршәуамызт.
– Уара уакәын иҳагыз. Ҳцамҭаз уҽаҳхьумыгӡар
умуит, ажәабжьс иаҳзааугазеи? – рҳәан, даарыгәҭы
ларкит.
– Алиас даар ҳиркьаҭоит ҳамҳәози. Иаса Қьырса
даауеит, ҳаиқәирхоит ҳәа ишизыԥшыз еиԥш,
ҳгәаҟуа ҳаргьы Алиас ҳанирхоит ҳәа ҳаизыԥшымзи.
Дааит. Иаҳзиузеи? – Абас далагеит: – Башахеит.
Ҳгәы ҳажьеит. «Баҭаҟәа аԥышәа ду имоуп иусураҿы.
Иҿаҳҵааша рацәоуп. Имаҵура дшахагылоу даанхааит... ҳивагыланы аус ицаауп», иҳәеит. Ари ашьҭахь
ҳзықәгәыӷраны ҳәа иаанхазеи? Зегьы ишыжәдыруа,
Баҭаҟәа ԥышәас имоу ажәлар ҳмал аӷьычра ауп. Нас
уи иоума бзиарак зҿаҳҵаараны ҳаҟоу. Исымоу зегьы
мԥсааит, иахьа сахьыҟаз избаз шәасҳәар шәхаӷахоит
(анбан – г – изҳәаӡомызт), ибз еилакьыцәуан. Аиаша
шәасҳәап, ианызба схаӷахарц егьаасыгымхеит.
– Уагьхагахандаз, уагьӷахахандаз, уаашьҭԥааны
ахагацәа рыҩнахьы уаагон, ҳаргьы ҳааҭынчхон, –
рҳәан, ивагылақәаз алаф илырхуа иалагеит.
Ҷыӷьыц иара ихаҭа длафҳәаҩын азы, иага
иарҳәаргьы дгәааӡомызт, аҟара ахаргыланы аҭак
риҭон.
– Шәара амш жәгоит. Сара сыхәмарӡом. Баҭаҟәа
гьы Алиасгьы сылала избеит қьаф уа иштәаз
Шәқәырча амшын аԥшаҳәаҿы, ҿыц идыргылаз аресторан аҿы. – Акалашәа дыҟан аха, ишаҳҳәахьоу
еиԥш, амцҳәара издырӡомызт.
– Уабананагеи, уара, уаҟа? – рҳәан, алафҳәара
иааҟәыҵын иазҵаара иалагеит...
Аӡлагараҿы уҳәансҳәан аныҟамла алуқәа аиба
фара иалагоит ҳәа баша ирымҳәазаап. Ҷыӷьыц иааигаз ажәабжь, Баҭаҟәеи Алиаси «Ақьафурҭаҿы»
итәаны қьаф руан ҳәа, адырҩаҽны хәлаанӡагьы
«лагатәыс»ирызхеит.
...«Амҵәыжәҩақәа» аҭаны аӡлагара аҟынтәи
идәықәырҵоз ажәабжьқәа (Баҭаҟәеи Алиаси ирызкыз) аҽныҵәҟьа иԥырны ақыҭа зегьы ирылсуан.
Ҷыӷьыц амц иҳәом ҳәа акәын зегьы дшырдыруаз.
Издыруада, аӡәы дижьазар, урҭ қьаф уа аресторан
аҟны иштәаз ибазшәа. Ҷыӷьыц иаҳаз агәра иган, ауаа
ирылеиҵеит. Алиас уи еиԥш ҟаиҵомызт, ауаа зегьы
иахьырбарҭоу, адизертир Баҭаҟәа дидтәаломызт ҳәа
иҩызцәа агәра рымгеит. Игәарарҵаз ажәабжь мыцхарц рҭахын. Насгьы, лымҳаҭасқәак змақәаз ыҟан.
Аҵыхәтәантәи ажәылараан Алиас ӷәӷәала дыхәны
дшыҟаз, далганы дга ҳәа здырҵаз, дымгаӡакәа
аӷацәа рыгәҭаны дааныжьны иара иԥсы игеит
ҳәа. Аха уи дызусҭаз иахьагьы деилкааӡамкәа даанханы дыҟоуп. Алиас усҟан аӡә дидыруа акәым,
ихы игәалашәо дыҟамызт. Усҟантәи ажәылараан
еицқәаз рыбжеиҳараҩык ҭахеит. Алиас аԥсреи абзареи дышрыбжьагылаз дааныжьны ицаз дызусҭоу
здыруа ҳәа аӡәгьы даанымхеит. Алиас дшырхәыз
еиԥш даашьҭыхны тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҟынӡа
дрызнагазҭгьы, ҩба-хԥа шықәса дгәаҟуа, аиарҭа
дзылымҵуа дылахаӡомызт. Аха ауха шаанӡа цхыраарак имоуӡакәа, абнаршәыраҿы адгьыл аӡбаа злыжжы иҟаз данықәха, ибжа илыԥсааит.
Уи ашьҭахь аԥсра иацәынхаз ҳәа акәын ишишьҭаз.
«Аибашьра
еибашьроуп.
Аӡә
дырхәуеит,
аҽаӡә дыршьуеит. Уи ада аиааира зыҟалом.
Дшәаргәындоуп, дагьшәарҭоуп, ахәра зауз зҩыза
далымгаӡакәа, аӷацәа дырзааныжьны зышьҭахьҟа
ихынҳәыз». – Ажәыларахь амҩа иқәлацыԥхьаӡа
Алиас икоманда зегьы ааиларгыланы абас реиҳәон.
Ауаҩ изыԥшу ицәа иалашәоит ҳәа шырҳәо еиԥш,
уи иара иакәзаарын иззыԥшыз. Аибашьра иналагазар аахыс заҟаҩ рхәхьадаз... Иагьа ишәарҭазаргьы,
зынӡа абзарбзан ахы даҿагылазаргьы, ажәылараҿы
ахәра зауз иҩызцәа далымгакәа, аӷа инапы ахьынаӡоз
дааныжьны ихнымҳәыцызт.
Аҵәымаӷ еиԥш акоманда зегьы ргәы иалан, рхы ҭызгоз ркомандир Алиас абас изныҟәаз
деилымкааӡакәа даанханы дахьыҟаз.
...Баҭаҟәа ажәлар рмал еимҵәаны, акыраамҭа
ақыҭа аҽазеибымҭо иахьаанижьыз аҵкысгьы
аибашьцәа ргәы ԥызжәоз, Алиас дыхәны ихы
дамыхәо дшышьҭаз, абнаршәыраҿы дааныжьны ицаз Баҭаҟәа ихгам ҳәа аҵыхәтәантәи аамҭазы
иныҵыҩ-ааҵыҩны ираҳауаз акәын.
...Џьоукгьы ирҳәон, Алиас идыруазар дкажьны ицаз Баҭаҟәа шиакәу, аха сцәырган ауаа
срылоумҵозар иаасыдуҵо зегьы ҟасҵоит, иаауҭаху
зегьы усҭоит ҳәа дааихәазар ҟалап. Дыҩнеидазар?
Имашьынақәа днарыларԥшны иреиӷьыз ҳамҭас
ииҭазар?
Аҽаџьоукы иџьаршьон, – Алиас изырҳәақәо акгьы имаҳаӡои? Зақәҿимҭуазеи? – рҳәон.
...Баҭаҟәа акырынтә иҽишәеит Алиас аресторан ахь днеиԥхьарц, аха иҽынахга-аахго дааиуан. Ҽнак зынӡа иаԥхьа дшьамхнышгыларц далагеит. «Ухәрақәа зегьы урылҵны, уеибга-уеизҩыда
ухынҳәны уаахьааз самеигәырӷьошәа схы збо
сҟаумҵан. Иахьа ԥсшьара мшуп. Ашоура иҟоу
убоит. Сара узгарц сгәы иахьҭоу умбаӡацт. Аибашьра ашьҭахь сабхәында иргылт («Ақьафурҭа»
ахьӡуп) амшын аԥшаҳәаҿы (иара иоуп изыргылаз,
аха излаургылазеи ҳәа дыркыр ҳәа дацәшәаны,
иара итәны мааҭгьы аламызшәа акәын зегьы рҿы
ишиҳәоз). Алиас акыраамҭа ақәҿиҭуамызт... Мапгьы иҳәомызт, ааигьы иҳәомызт... – Аха аресторан
ахьгылоу аҭыԥ убасҟак иԥшӡароуп, ааигәа унеиаанӡа
амшын ихгылоушәа ауп ишубо. Уаныҩналалак,
аӷба уҭаланы, иӡса-ӡсо амшын ухгыланы уцошәа
уааҟалоит. Аҩнуҵҟа убас ихиоуп, уахьыԥшра уздырам. Аԥша хьшәашәа гәыҟаҵагаха ҳакәа иҭалан
ҳмаӷра иҭысуа, ҳгәы зҳәо фатәи-жәтәи ҳагымкәа,
қьаф еицаауп», – ҳәа диҳәеит.
Алиас Баҭаҟәа иааиҳәаз зегь рахьтәи ихаҿы иаанхаз, – «Аресторан аҩнуҵҟа уҩналар, убас ихиоуп, уахьыԥшра уздырам», – ҳәа иажәа иалаҵаны
ииҳәаз ауп. Абри ашьҭахь уаҳа акы ахымҳәааӡакәа
дақәшаҳаҭхеит.
Арҭ ажәақәа Ҷыӷьыц иҟынтәи иаҳахьан. Алиас дхынҳәны данааз, раԥхьаӡакәны ақыҭантәи
аибашьцәа зегьы аусҳәарҭа ашҭаҿы ианеизигаз
ашьыжьымҭан, аилацәажәара иалагаанӡа, амш
еилашәо-еилыҵуа ақәоура аҽаназнакы, иаууеи, иахьа ақәа ҳақәнамцар амур ҟалап, ажәҩан лацәҟәы
шьацәҟәуа излаҿу ала рҳәан, иааилаҩҩит иааихьаз
ауаа.
– Ақәа ҳалаларгьы ахан ҳазгылоуп. Уахь
ҳаҩнамлои, – иҳәеит Алиас.
– Ҳаҩналеит ҳәа, ҳахьтәо, ҳахьгыло, ҳазҵагыло
ҳәа акраанханы иҟоума. Ахыб абжеиҳарак ақәхны
иргахьеит. Аҟәардәқәа, ауарҳалқәа, алиустрақәа –
акы аанымхеит. Аҭӡамцқәаҵәҟьа цәдырҳәит. Зегьы
ганы амшын аԥшаҳәаҿы аресторан ҿыц иҟарҵаз
иҩнагылоуп. Уныҩналаанӡа убла иаахгылоит ҳхан
хьыҵәцараха изырлашоз алиустрақәа. Итатаӡа
уналагылоит ҳуарҳал ссирқәа, ҳҟәардәқәа ԥшӡаԥшӡаӡа игылоуп... Ианызба схагахарц егьсыгымхеит. Изгада, рхала ицама? – Ҷаӷьыц ибжьы еиҳа-еиҳа
еиҵихуан. Зегьы идирҳарц иҭахын Алиас дхынҳәны
дааижьҭеи Баҭаҟәа дшицәымшәоз, уи изы иидыруаз
зегьы иҳәон. Ҧаса еиԥш иҿы асыркуеит ҳәа далагар
иуамызт.
Аҵарақәа зегьы ҵәит анырҳәа аҷынҷагьы ҷит
аҳәеит ҳәа, ииҭаху иҳәалааит, абри аччиа ушԥеизы
ӡырҩуеи ҳәа Баҭаҟәа зынӡа хьаас имкӡозшәа ҟаиҵон,
аха игәахы еиҟәыҷҷо Алиас днеиҿахәыҭхәыҭит, уи
агмыг уизымӡырҩын ҳәа.
– Ҷыӷьыц, иахьа урҭқәа ракәӡам ҳазлацәажәараны
иҟоу... Зынӡа аҽа зҵаароуп. Ус иҟазар, иабаҳацәцои?
Ара ҳааилгақәар урҭ ртәгьы ҳалацәажәап, – иҳәан
Алиас, Ҷыӷьыц игәшәамшәа ҳәаны ацәажәара
дааҟәихит.
...Баҭаҟәа Алиас диман «Ақьафурҭа»ашәхымс
ишынахысыз еиԥш, аресторан амаҵ зуаз аиҳабы
инаиркны аиҵбы иҟынӡа ршьапы иқәгылт. Адунеи
зегьы зымчу Баҭаҟәа иакәушәа ивагьежьит. Инапы
акырҭа рибаҭомызт. Асас дахь дысҭоуп... Сара иалыхны исымоу астол шәымдыруеи? Аҵысхшы агымхароуп ҳәа адҵа риҭеит.
Алиас зынӡагьы имаҳаит Баҭаҟәа ииҳәаз. Аресторан дыҩналан дахьынаԥшы-ааԥшыз даршанхеит,
иибаз игәаланаршәеит Ҷыӷьыц ииҳәаз. Аҟәарашаа
рыԥхӡашала идыргылаз акультура Ахан иааҩназ зегьы дәылганы иааганы, «Ақьафурҭа»ишыҩнагылаз
аниба, игәы ԥнажәеит, аха иԥсы ак ахирӡаауамызт.
Макьана ихы агәра аиргарц иҭахымызт иара
иуаажәлар ркульутра Ахан абасҵәҟьа азыруеит ҳәа. Азныказы ддәылҵны дцарц далагеит. Аха
деиԥхьхәыцааит. Игәы иҭеикыз имраргамеит.
«Аԥхьа иухәыцуа, уаӷа изы, ашьҭахь иухәыцуа – ухазы» ҳәа Ҟанчобеи лассы-лассы ииҳәоз игәалашәан,
дааннакылт.
Баҭаҟәа игәеиҭеит Алиас иҽшиԥсахыз, аресторан
дыҩналаны данынаԥшы-ааԥшы игәы иамыхәаз ак
шибаз аҟара, аха игәаӷьны дизиазымҵааит.
– Уахьтәалац ауми астол ахьҳархиара? Акәымзар
аҽаџьароу? Унацәа ахьнақәукуа али-ԥси рыбжьара
иҳархиоит, – рҳәеит амаҵуцәа.
– Сахьтәалац.
Аҳәаха дахьырымгӡеит. Астол чыс хкы рацәала
идырҭәит. Аханы игылаз акресло ду аҟны акәзаарын
Баҭаҟәа итәарҭа, аха уи аҽны иара иҭыԥаҿы Алиас
диртәарц далагеит, уара уоуп араҟа изыхәҭоу ҳәа дивагьежьуа.
– Уи уара уҭыԥ ауп. Уара уахцаны уҭыԥаҟны
сышԥатәои, – иҳәан Алиас, акыргьы иҽирххашәа
ҟаиҵеит, аха димыртәар имуит.
Издыруада, сыла сажьазар ҳәа, зны ауарҳал
ахьышьҭаз ахь дыԥшуа, аҽазны азал иаакәыршаны
игылаз астолқәеи аҟәардәқәеи дырзыԥшуа, хәыцрак
даанкыланы доунамыжьуа, дырххо дшамаз Баҭаҟәа
ианиба (иаргьы аӡаӡ дахатәазшәа акәын дыштәаз,
иԥшышьа иамхацәгьаханы), ҳхәы шыԥхоу акы
ҳнацҳап иҳәеит, Алиас дызманы ицоз ахәыцра дысзавгозар иҳәан.
– Акрыфара ҳахьымӡои. Ара ҳаԥхьа ирхианы
иқәуп, иабацои? – иҳәан, ихәыцра иҽаамыхны, ҵәак
алаԥысҟоит ҳәа аҳәызба иаԥхьа иқәыз ықәихырц
дшаҿыз, импыҵшәан икашәеит. Баҭаҟәа, сара
изышьҭысхуеит ҳәа, акресло дыҵаларц далагеит.
Аха, уара ишԥаушьҭсырхуеи иҳәан, Алиас акресло аҵаҟа дшыԥшаауаз, илаԥш ақәшәеит аетикетка шаҵарҷабыз. Иацы иҩны иақәдырҷабызшәа,
анбанқәа,
акы
бжьымшәаӡакәа,
еилыхха
«иуарҳәон»ари акресло ахьҭрыжьыз иарбан фабрикоу, иарбан қалақьу, иарбан шықәсоу ианҭрыжьыз.
Ари аниба, иаҳәызба иагьигәаламшәеит, ашьшьыҳәа
днахан иаамыхны, дҩеихан иҭыԥ аҿы днатәеит.
Акрыфара нап амыркӡакәа акыраамҭа акы дазхәыцуа
дтәан. Аетикетка иџьыба иааҭиган, еиҭа ахәаԥшра
далагеит. Рқыҭаҿы акультура Ахан ҟаҵаны ианалга иҩнадыргылоз Краснодар ицаны иаазгаз иаргьы
дрылан. Усҟан уи аколнхара аревизиа азуцәа хадара
риҭон, иусура иаҷыданы.
Ианааргоз аамҭеи азаказ рыҭаны иахьыддырҟаҵаз
афабрикеи еиқәшәон.
Шьҭа агәра игеит, «Ақьафурҭаҿы» иҩнагылаз зегьы Баҭаҟәа акультура Ахан иҩынганы ишааигаз.
Баҭаҟәа иаразнак ибарҭахеит, Алиас акресло
иаҵихыз аетикетка игәалаҟара шыбжьнахыз.
– Иугәаԥхо ҳәа егьумҵамзар ҟалап. Уи азыҳәан
акәхап унапы заумыркуа. Ишәымоу иреиӷьу ааганы
иқәшәыргыл ҳәа расымҳәахьази, арҭ иныбзақьша, –
иҳәан Баҭаҟәа, ахәыҟаҵаҩцәа дрыԥхьеит.
Зынӡа ихаҿы изаагомызт, Алиас акресло
иаҵыхны, иаԥхьа иқәҵаны дызхәаԥшуаз аетикетка
иара изыҳәан ибӷаԥҵәагахоит ҳәа.
Ахәыҟаҵаҩцәа
еибарыҩны
иааит.
Шәгәы
иаҭахузеи, еиҭа ишәзыҟаҳҵарызеи ҳәа.
– Иумыргәаҟын, иаҳҭаху зегьы ҳамҵоуп. Шәца
ҳәа раҳәа. Сара снапы ӡык ақәсҭәароуп, акресло
аҵаҟа аҳәызба санашьҭаз иҟашьит, – иҳәан дҩагы
лан, астол дахыҵны дцеит. Дшындәылҵыз еиԥш,

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 15
- Büleklär
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3396Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3393Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3424Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3432Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21970.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3466Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21870.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3501Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3417Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3427Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3430Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3433Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3359Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3359Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 162Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.