Latin

Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 12

Süzlärneñ gomumi sanı 3417
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
унанагон, аҽакы уавнагон. Баҭаҟәа дышиашаз дкылызгоз дақәымшәеит, дымҩахҟьеит. Ақәоурагьы
иалагеит. Ақәа зынӡа аҽанарӷәӷәа, ҵла дук амҵан

даангылан, Алиас днаган ашьапаҿы днышьҭеиҵеит.
Убри аамҭаз, аԥхьа дзыршәаз ахысбыжьқәа
еиҭаиаҳаит. Агәыҭҟьара еиҭаизыҟалеит. Иҟа­иҵ
­ ара
изымдыруа, деилаԥаҭеит. Ахысбыжьқәа еиҳа-еиҳа
изааигәахошәа иаҳауа далагеит. Арҭ Алиас иоуп
изышьҭоу, дыхәны дшыҟоу рдыруеит. Хымԥада,
ишьҭазар акәхап, ҳихьӡаны дԥыраҳхуеит ҳәа. Иара
усгьы иԥсуа иоуп, ианҳахьӡа, саргьы исеигӡом, сыршьуеит, иҳәан, Алиас дкажьны иара иԥсы игеит.
Убасҟак дшәаны даауан, аштаб ахь дымнеиӡакәа
давсны, иҩныҟа дцеит. Иҩны дахьнеиз иҟасҵаз схы
санарсуеит ҳәа азхәыцра далагеит. Егьимыхькәа
данаанха, иҩызцәа сыкнаҳаны сырхәыруеит, ҳәа
дшәаны, аҵысра далагеит. Ҧыҭраамҭак ашәара
ихыԥсаауамызт. Абасҟак изхьаазгозеи, Алиас дызлазбаз, уахатәи аҵх ззыхго иакәӡам. Илақәа хиҩахьан
данаансыжьуаз ҳәа, ихала игәы ирӷәӷәауан, ашәара
ихицеит. Алиас иаҵкыс еицәаны изыҟалеит, далганы
дга ҳәа идызҵаз аҷкәынцәа анигәалашәа. Ҳара днаганы дуаҳҭеит, уара дкажьны уцеит ҳәа иаасҿагылар
ишԥаҟасҵои? Хҿыхгас исыԥшаарызеи ҳәа азхәыцра
далагеит. Ҵхыбжьонынӡа дарцәомызт ауаҩымра
иҟаиҵаз. Аҵыхәтәан, ихәыцра аҵкыс ицәа аниааи,
дыцәеит, ииарҭа тата дылаианы.
Алиас уи аамҭаз адгьыл аӡаҿы дышьҭан деиқәы­
хьшәашәа, иԥсы ахәага ҭан, аха дзынаҳәааҳәуамызт.
Ихдырра аниоуаз аҵкыс ианицәыӡуаз еиҳан.
Ҵхыбжьон агәазы абгақәа икәшо иалагеит. Ашьа
илҵыз афҩы ркызар акәхап. Урҭ мықәшәатәқәоуп
иааџьоу­шьаратәы. Ашьафҩы анырҿаслак ауаҩы
итәу, арахә иртәу еилымкаакәа, ааигәа инеиӡом.
Арахә иатәызар ишәаӡом, ишиашоу инеиуеит
иахьышьҭоу. Ауаҩы итәызар ишәоит, иԥсы ҭоу
иҭаму еилымкаакәа иааигәа инеиӡом. Алиас ишьа
ауаҩы ишитәыз рдырит, аха иԥсы ҭоу иҭаму еилыр-

каарц, рылақәа апрожекторқәа реиԥш ижжа-жжаӡа
(абгақәа рылақәа уахынла икәеицеиуа иалагоит),
зны иаԥхьала ииаҟьо, аҽазны ишьҭахьҟала ивҟьо,
дахьышьҭаз ишивагьежьуаз адгьыл ацәа ахаӡамкәа
иахырхит.
Алиас ибон абгақәа иҟарҵоз, аха ихы изыхьчо
дыҟа­мызт, иҽизырҵысуамызт. Ибжьы изыҭкаа­
уамызт... игәалашәеит афонар иџьыба ишҭаз.
Уи ада иҽызлеихьчаша акы имамызт. Идыруан
урҭ алашара рҿаҷҷар, ишәаны ишыҩуаз. Ииулак
ина­пы аус аруны (хыхьтәи иџьыба акәын изҭаз)
аарлаҳәа иааҭигеит. Дызқәыӷәӷәаша акнопка
дақәымшәеит, еилаԥыҵәҵәа иҟаз инацәкьарақәа
рыла исзыԥшаауазар ҳәа дшаҿыз, абгақәа руак ааихаххит ахаԥыцқәа хырџьаџьаны, ихәда иамҵасны
иакырц (Абгеи ауаҩи ахьеиԥшу ыҟоуп ҳәа ззырҳәо
уи азы акәзар ҟалап. Ауаҩы арахә анишьуа ахәда
ԥиҟоит. Абга иакуа ахәда ԥнажәоит). Ихәда ԥнажәарц
егьагӡамызт. Анцәа дихьчеит, инацәақәа руак акнопка иақәшәан, афонар лашеит. Уиакәхеит, алашара анаарылаҷҷа, ишәан, еибарыҩны абнаршәыра
инылапҟа ицеит.
Абгақәа аницрыҵ ашьҭахь деицәахеит, еиҭах
игәы аангыло иалагеит, ихдырра ицәыӡит. Афонар инапала иаиркыз измырцәеит, ишакыц иакын.
Еиҭах уи деиқәнархеит. Аштаб аҟынӡа уажәыгь
днарымгаӡац. Дахьыҟоу аӡәгьы издырӡом ҳәа
раҳан, иҩызцәа ишьҭалеит. Ашара акыр шагыз,
абнаҿы алашара ххаӡа ишаркыз рбеит. Еибарыҩны
иахьнеиз, Алиас аԥсхыҵра дшаҿыз иааихагылт.
Али-ԥси рыла даашьҭԥааны, Тҟәарчалҟа дыргеит.
Ахәшәтәырҭа дрыман ианыҩнала, аҳақьымцәа иаартны ирзымҳәеит акәымзар, иԥсы зшәыргәаҟуазеи,
иҩны дааншәыжьындаз ҳәа акәын дрыцҳашьаны
ишихәаԥшуаз.

Алиас иԥсы иахьӡеит, абнаҿы дыхәны дшышьҭаз
рбеит. Тҟәарчалҟа дрыман ицеит ҳәа Баҭаҟәа ианиаҳа
амца инаркит, ихы агарҭа имоуа дҟалеит. Иаразнак иҽирчмазаҩит (Иидыруаз ҟаиҵеит)... Абарҭқәа
рышьҭахь Баҭаҟәа аҩны ихы изыҩнамкит. Алиас
иԥсы ҭаны даанхауоу, даанымхауоу еилыскаауеит
ҳәа ахәшәтәырҭахь дцеит. Дахьнеиз раԥхьаӡа дназыдгылаз ҳақьымк диазҵааит, ичмазаҩны иааргаз
деиқәхарымашь ҳәа, дицәнымхошәа иҽыҟаҵаны.
Уи егьимыхьыр здыруада, аха дуаҩыбжан даанхар ҟалап ҳәа иарҳәеит.
– Ахәшәтәырҭахь даазгада, урҭ ара иҟоу, ицахьоу,
избарц сҭахуп, иԥсы ҭаны дахьааргаз азы иҭабуп ҳәа
расҳәароуп – иҳәеит, илақәагьы еихаҟәысуамызт.
– Аибашьра далызгаз ршьит, аранӡа даазгаз
даҽаӡәқәоуп.
– Рыхьӡқәа удыруама?
– Ишԥасымдыруеи, Кани Зукеи рами. Аа, зеиԥшра
ҷкәынцәоузеи, алақәа ишԥарфеи!
Урҭ аҩыџьа ракәын Алиас дызманы иаауаз.
Шьҭа уара дугароуп. Ҳара ажәыларахь ҳхынҳәуеит
ҳәа дизныжьны ицаз, урҭ ракәын дзыцәшәоз,
ҳара ачаирҭа далган диаҳҭеит, иара дкажьны дцеит ҳәа ишиҿагылоз идыруан. Рҭахара даара игәы
иалирсызшәа ҟаиҵеит.
– Алиас итәы ҳәа исоуҳәозеи? – даара
дизгәаҟуазшәа илахь еиқәҵаны диазҵааит.
– Алиас амина иҵаԥжәазаап, еибгаз баҩ изаанымхеит, дԥыххаа дагеит. Иахьа ашарԥазы иҩызцәа
дрыԥшааит, абнаҿы дшышьҭаз дырбеит рҳәеит,
арахь дааргеит, аха даара дычмазыҩ ӷәӷәоуп.
Ари еиԥш аниаҳа, ҽырчмазаҩ ҟаиҵозма, деиханы
аштаб ахь дцеит. Дахьнеиз ҳәсеи хацәеи аштаб ашҭа
иазымкуа еилагәырҩо еилагылан. Аӡәаӡәа, ҩыџьаҩыџьа ракәымзар, акрааҵуан абасҵәҟьа уахык ала

фҩык ҭахо иҟамлацижьҭеи. Ас еиԥш агәырҩа ахгара
хьамҭан. Анацәа ҿымҭӡакәа алаӷырӡ икарҭәоз, ахаҳә
гәы зызҭамыз игәаҵа кылнаҵәон.
Ан зыҷкәын дҭахаз леиԥш акәын анацәа зегьы,
дара ртәы иакәушәа ргәы шыҭнашьаауаз.
Аибашьцәа еилагьежьуа иахьгылаз Баҭаҟәа
рааигәа анеира изымгәаӷьит. Рҩызцәа ахьҭахаз
рзых­го­мызт. Усҟанҵәҟьа урҭ Баҭаҟәа дырбо иҟа­
мызт. Днарылс-аарылсуа дрылан. Дшәаны иҿы
еихихӡомызт, ирҳәоз зегьы илымҳа кыдҵаны
дазыӡырҩуан. Иаҳарц ииҭахыз акызаҵәык, Алиас итәы акәын. Иааҟәымҵӡакәа излацәажәоз иацы
иҟаиҵаз афырхаҵара атәы акәын. Дыхәны дахьы­
шьҭаз, дшырбаз, дызбаз, даазгаз атәы аӡәгьы
иҳәаӡомызт. Иара дшәаны аӡәгьы дизҵааӡомызт.
Дкажьны дышцаз ааиҵырдыраар, иара уаҵәҟьа
деимыжәжәа дықәырҵон. Убасҟак аҟынӡа рыгәқәа
еиҟәыҷҷон Алиас дахьырзымыхьчаз азы.
Рыла
схымгылар
еигьуп.
Ишны
иҟоуп,
изымчҳакәа аӡәы хҭынҟьак сиҭаанӡа срылҵны
сцоит ҳәа дшаҿыз, ҩыџьа еидгылан иеибырҳәоз
илымҳа иҭасын, дааннакылт. Иҟалаз шыҟалаз шьҭа
еилкаашьас иамоузеи? Даара дшәарҭоуп. Аԥсреи
абзареи дрыбжьагылоуп, шәышзахәо дшәыман
шәцароуп ҳәа Алиас игара здаҳҵаз, амҩабжа днаган даҽаӡәы димардан, уи макьана деилкааӡам, дааныжьны рҩызцәа ирыхьӡеит ажәылара ишаҿыз.
Ихнымҳәыргьы иҟалоз здыруадаз, рҽазыҟаҵаны
иаауан аӷацәа, аха иахьырмыгӡеит. Рымҩа ԥҵәаны,
ачаирҭа ду аҿы аӡмах «Камбашь зҭаԥсыз» ҳәа
изышьҭаз иҭацаланы иҭархәаҽит. Убраҟа ауп
иахьҭахаз Баҭаҟәа зегь раҵкыс дзыцәшәоз. Иара
ихәыцшьала, урҭ шьҭа шаҳаҭра рызуам. Алиас усҟак
дицәшәаӡомызт, сыхәны сшыҟаз скажьны ушԥааи
ҳәа знымзар-зны иаасҿеикуеит ҳәа. Кани Зукеи да-

низынрыжьыз ауаҩ дидыруа дыҟамызт, иара ихаҭа
дкажьны данцозгьы аӡәы дидыруа акәым, иара ихы
изымдыруа дыҟан.
Алиас Москва дгәаҟуа данышьҭаз, ибаразы ицаны
иаауаз зегьы аанкыланы дразҵаауан деибганы дзаарушь ҳәа, дицәнымхошәа ихы дирбон. Аԥхьаҵәҟьа
уи дшыҟоу ҳәа изларҳәоз ала деибганы даауеит ҳәа
дыҟамызт Баҭаҟәа.
«Ишәҭахузеи? Шәеизызгада? Абыржәыҵәҟьа
шәықәҵ­роуп. Уаҳа шәхабар сымбароуп», – ҳәа дҳәым­
пырҵызуа дышрылагьежьуаз, ҳаибамбеижьҭеи
иҵӡозеи иҳәан, Алиас дрылҵны дааины Баҭаҟәа данааидгыла днелууаа дцеит, аԥсшәа иаҳәара акәым,
инапы имыхшьаҵәҟьа дақәымшәеит. Москвантәи
иԥсы ҭаны даауеит ҳәа дыҟамызт. Иҵагылан дааргоз џьишьон. Дааӡаргьы ишьапы дықәгыло ахаан
дзыҟалом ҳәа акәын ишидыруаз. Уажәы иаԥхьа дгылан, анкьа дшибахьаз дыҟан, аҿҿаҳәа дцәажон. Азнык азы иара иҿы акит, аха Алиас даԥсышәа мацараха, акгьы инмырԥшӡакәа аԥсшәа аниеиҳәа, сышҟа
гәалак имазҭгьы аҽакала дсацәажәон иҳәан, бзиала
уаабеит, анцәа иџьшьоуп уеибганы уахьыхынҳәыз,
даара сеигәырӷьеит иҳәан, инапы имихит.
– Мчыбжьыкгьы ҵӡом сааижьҭеи, ҳқыҭа зегьы
срылсны избеит.
– Ушаауаз здыруазҭгьы, суԥымлози. Аиаша
уасҳәоит, даара сеигәырӷьеит, иахьа абра уахьызбаз. – Уажәраанӡа зҽырбабаны игылаз, уажәы Алиас
иаԥхьа дкаиарц егьигмызт.
Еизаны игылаз зегьы игәарҭеит Баҭаҟәа Алиас даниба нахыс иҽшиԥсахыз.
– Уара иузымдыруа, узин рымамкәа иахьеизаз угәамԥхозар ҟалап, аха уаанӡа ҳаламгеит.
Ҳаузыԥшит, – иҳәеит Алиас гәшәамшәа крала.

– Шәалагандаз, сара мап сҳәозма. Исыхьыз уи ауп,
аԥхьа санаарылаԥш «ачымазцәа»ракәыз џьысшьеит
еизаны игылаз... Алиас уара иузымдыруазар ҟалап,
ҿыц ицәырҵны иҟоуп ачымазара ҿкы, уҳәан-сҳәан
ныҟәгаҩцәа иҟаминымҳәаҩцәа, аиҳабыра «амызхуа, иазҭо», аҳәынҭқарра аарҳәны иқәзыргыло. Урҭ
иаарҭаххацыԥхьаӡа амитинг ҟаҵараз ифраҭцәоуп.
Џьоукы хьыжьимбистаа ҳәа ирышьҭоуп, аҽа џьоукы
барбарисҭаа ҳәа ирышьҭоуп. Уажәы хәалацистаа ҳәа
џьоукы цәырҵит. Шәара шәызшоу шәисасуп. Иҳамоу
иреиӷьқәоу шәоуп. Бзиала шәаабеит! – иҳәеит, Алиас ицәымӷра илыжжуан, аха схысҿы иансырԥшуам
ҳәа даҿын.
Баҭаҟәа еизаны игылаз ауаа ахьыҟаӡам ахь даго
даналага, Ҟанчобеи зегьы даарылҵны раԥхьа даагылан, зынӡа имырхьааӡакәа иажәа ааԥҵәаны, – Ажәлар
шәхаҵкы! Ҳара иахьа ара ҳзеизаз аӡә дамахуеит
аӡә даҳҭоит ҳәа акәӡам, – иҳәан, ацәажәара далагеит (Ҟанчобеи ҳаҭыр ду зқәыз ақыҭаҿы, зегь раԥхьа
идыргылоз, иззыӡырҩуаз, ацәгьеи абзиеи реилыргаҩ
ҳәа изышьҭаз иакәын). – Иахьатәи ҳаизара зызку Алиас иаароуп. Ҳқыҭаҿы аӡә дыҟоуп ҳәа сыҟам
Алиас деибганы даҳзаашьҭы ҳәа анцәа имыҳәоз.
Ажәлар, шәыхь згеит, шәызегьы ахәҷыҷақәа рыда,
егьырҭ ижәдыруеит Алиас ҳқыҭазы илиршахьоу,
аибашьра ҟалаанӡагьы, ианыҟазгьы. Уи даара
ирацәоуп, ирацәаӡоуп. Ас иааркьаҿны иузҳәом зегьы (дызлаҟамыз ҳәа акгьы сҳәаӡом). Иеиԥш зеиԥшу
дҳамамызҭгьы ҳәа анцәа ҳиҳәозҭгьы акәхарын.
Уи иҩызаҵәҟьа иакәын Сафарбеигьы. Аха уи ҳара
даҳмаӡеит, иԥсадгьыл ихы ақәиҵеит. Ԥсра зқәым
афырхаҵа ҳәа ихьӡ ҳзаанижьит.
Ԥхьан баша исымҳәаӡеит, иахьа ҳаизызгаз Алиас
иаара ауп ҳәа. Акырынтә иақәаҳкхьан, ҳарҭ абырг­
цәа аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥсҭазаашьа ҳаизаны

ҳалацәажәап ҳәа. Аха ҳҿар ақыҭа ааныжьны ицахьеит, ҳрышьҭаларгьы иаҳзеизгаӡомызт. Алиас дааит
ҳәа анраҳа, иҩызцәа аибашьцәа аӡә даанымхакәа
рызегьы еизеит. Жәылара ианцоз еиԥш, икәшаны
иаагылт, ҳхыҭгаҩ уоуп, иҳадуҵо азы ҳахиоуп ҳәа.
Аӡә игәы аҽакы аанамгааит. Еиҭасҳәоит, иахьа
ҳара ҳазлацәажәарц иаҳҭаху ҳқыҭа аҭагылазаашьа
ауп. Ақыҭа аԥсҭазаара иахьа уаҩы дацәшәаратәы
иҟалеит. Аибашьра ашьҭахь аӷьацара амҩа ҳақәлоит
ҳәа агәыӷра ду ҳаман. Ҳаҷкәынцәа ршьа каҭәаны
ҳазқәынхоз ҳадгьыл рыхьчеит. Заҟаҩгьы рхы
ақәырҵада. Адунеи аҿы иааҟалахьоу аибашьрақәа
зегьы зыхҟьаз адгьыл ауп. Ақырҭцәа ҳаргьы
ҳазқәырфо ҳадгьыл ауп. Ҳҵеицәа афырхацәа, урҭ
ааны, ихынҳәны ҳадгьыл ршьапы рзықәмыргыло
иҟаҵаны, иқәырцеит. Ҳадгьыл ҳара иҳазнымхеи,
иахьцоз иргама?
Ҳҽызхаҳшьаауа ҳадгьыл ҳара ишаҳтәыз ианаанха,
икажьны ҳақәҵны ацара ҳалагеит. Ари аанкыламзар, иаарласны ҳқыҭақәа ҭацәуеит. Аԥсуара ахьиуаз
ақыҭақәа қьамҭахоит. Ҳазегьы ҳзааӡахьаз, адунеи
иқәынхо ажәларқәа аӡәы ҳиламҩашьо ҳрылубаауа
ҳҟазҵаз, ҳаԥсуара ҟьо ақыҭақәеи ақалақьқәеи
иҳаман ҳашрыбжьоу, уахьгьы иҟамкәа, арахьгьы
иҟамкәа, зынӡа иаҳцәыбжьаӡыр алшоит. Анцәа
иумҳәан уи еиԥш... Усҟан ҳара ҳазусҭцәада? Егьырҭ
аԥсуа қыҭақәа аибашьра ашьҭахь ирыԥсҭазаашьоу
сыздырам, аха ҳқыҭа, сара излазбо ала, аӡрахь ахы
хоуп. Еиқәырхашьас иамоу атәы ҳалацәажәароуп.
Иаԥырхагоугьы ҳиқәыӡбароуп. Иахьоума шәгәаҵәа
анеилгаз, абасҟак аамҭа зҿышәымҭуаз ҳәа аӡәы
игәы иаанагар алшоит. Аха, ижәдыруазааит, ҵәҩанк
ала аанда шузымшышуа. Изхысҳәаауа аӡәыкҩыџьак роуп иаанханы иҟоу. Ак аазҳәарц иалаго,
шәара шәхаан еиҳа еиӷьызма, аколнхацәа ҵакны

ианшәырцәаӷәоз аамҭазы ҳәа уҿы ԥыржәоит,
деиҳабуп ҳәагьы усыс имкӡакәа. Ус зҳәо зусҭцәоу
шәаргьы ижәдыруеит. Аибашьраан ҽыр­чмазаҩы
ҟаҵаны ишьҭази иалҵны ицаны Урыстәыла
амалрҳара иаҿқәази роуп. Урҭ роуп иахьа ақыҭа
знапы иаку. Урҭ ҳаԥсҭазаара еиӷьыртәуеит ҳәа
ҳазрықәгәыӷуам. Ҳара гәыӷырҭас иҳамоу, зшьа
каҭәаны зыԥсадгьыл зыхьчаз ҳҵеицәа роуп. Иахьагьы урҭ ҳқыҭа еиқәдырхароуп.
Ҳазегьы ҳаззыԥшыз дааит. Уи ҳарҭ аибашьцәа
ҳаԥ­хьагыла иакәын. Ар рхыҭгаҩы ҳәа ҳишьҭан. Иахьагьы ҳаидкыланы, ҳаԥхьа дгылароуп. – Ҟанчобеи
ицәажәара анааникыла, зшьапқәа еибгоугьы ус дласны дызныҟәарым, шьапызаҵә ашырҳәа даарылҵы
(егьи ишьапы аибашьра иҿнаххьан) раԥхьа даагылт Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьыӡ ҳаракы занашьаз
Аполлон Аханба... Аполлон иажәа ҳәаны далгаанӡа,
аибашьцәа зегьы рнапы изеинырҟьеит. Ииҳәаз
убасҟак аҟынӡа иргәаԥхеит.
– Ҟанчобеи, уара уиашоуп. Сцәажәап ҳәа сгәы
иҭаӡамызт, аха уара уанцәажәа ашьҭахь, саргьы ажәақәак сҳәарц сҭаххеит, – иҳәан, Аполлон иааимидеит Гәдиса Баӷба, аибашьра ҟалаанӡа
акыршықәса инеиԥынкыланы ақыҭаҿы абыргцәа
рхеилак хадара азызуаз. Аизараҿы иҟаз абыргцәа
акы иҳәандаз ҳәа ишҟа иԥшуа игылаз, илабашьа кны
данаарылагыла, ргәы иаахәеит. Зегьы ирдыруан уи
ицәажәара шҵакыдамыз, игәы иамыхәо акы ибар,
ма иаҳар ишиҵеимҵәахуаз, игәы иамыхәазгьы
аартны ишиҳәоз. Ақәра ду имоуп, аха акгьы
иԥырхагамхаӡеит, ихшыҩ ҷабӡа ишимац имоуп иахьагьы ҳәа акәын зегьы дшырыԥхьаӡоз.
Аибашьра ашьҭахь, шәхы цеит, шәаамҭа цеит,
шәлаба рҟыгәуа шәабаҳҭаху рҳәан, анапхгаҩцәа
ҿыцқәа илаԥшы­қәырҵан еимдырпит.

Гәдиса уи зынӡа хьаасгьы иҟаимҵаӡеит, акыр
дшааԥсахьазгьы, абра уаҭахуп ҳәа аниарҳәалак, мап
ацәикӡомызт. Аибашьраан зыхшара ҭахоз абацәа
заҟаҩы ргәырҩа хиҽхьааз.
Зыҷкәынцәа ҩыџьа аибашьраҿы иҭахаз аӡәы (урҭ
аҩы­џьа рыдагьы ҵеи димамызт) агәырҩа иҽеиҭеит.
Ауаа зегьы чҳашьала еиԥшым гәаҭала ишеиԥшым
еиԥш. Уи ичҳара кәадахан, агәырҩа ииааит.
Ҩымчыбжьа иҩны ддәылымҵӡакәа дыҩнатәан. Крифомызт, крижәуамызт, адунеи дзықәыԥшуамызт.
Амлашьра иҽаиргарц иӡбеит. Иуацәа, иҭынхацәа
уахгьы-ҽынгьы идтәалан, илабжьон, аха акымзарак иирҳауамызт. Амлагара лассы дамгошәа
аниба, иҽынкнаҳаны иҽишьырц дшаҿыз ихьӡан,
ихәда иахеиҵахьаз ашаха ԥҟаны деиқәдырхеит. Уи
ашьҭахь еиҳа деицәахеит. Аҿаҵа ихәда илымбаауа
дшыҟац даанхеит.
«Шәидтәаланы шәызихәаԥшуазеи, агәырҩа дахьаго шәымбаӡои! Абарҭқәа реиԥш аан ауаҩы хәшәыс
имоу ауаҩ иоуп. Гәдиса Абаӷба аиарҭа дамамкәа
ишьапы дықәгыло дыҟазар, шәцаны дизаажәгароуп.
Уи ибз хәшәуп. Гәырҩахҽыгоуп», – ҳәа иҭынхацәа
иреиҳәеит, ибара ҳәа лассы-ласс иаалоз уаҩ быргык. Ишааиҳәаз, ишьҭалан ицан, дааргеит. Аиарҭа
дамамызт, аха ӷәӷәала ахьҭа илалан дыҟан, аҩны
удәылымҵын ҳәа иԥҳәыс дышидгылазгьы, иҟалаз
аниарҳәа, уи ауаҩ акаамеҭ изыҟалан дшыҟаз имдыруази, ахьҭа сылалазар исылымҵыр иабацои,
арыцҳара зызхымго ицхраатәуп иҳәан, дрыцны дааит. Иибахьаз дабаҟаз, илақәа ахьҭоу умбо, ицәеи
ибаҩи еикәыршаны, агәырҩа дызҵаз ихәда хҽны даман, ихы дҩахан изышьҭымхуа аҟынӡа днанагахьан.
Дшыҟаз аниба, иареи сареи ҳаиушәыжь, иҳәеит.
Иажәа ҩбамтәыкәа зегьы дәылҵит.

Ҩ-сааҭк ирзынаԥшуа рхала иҟан. Ашьҭахь
аҩыџьагьы еицдәылҵит. Зегьы уамашәа ирбеит, аха акы рыԥсы иахыдмырӡааит. Иҷкәынцәа
анышә иамаданы дхынҳәызар аахыс знызаҵәык
иадамхаргьы аҩны даадәылҵны адәы днықәыԥшуа
ҟамлаӡацызт. Алашара дара ирбом, сара изызбарызеи ҳәа адәахьтәи акәым, аҩныҵҟатәи алашарагьы аиркӡомызт. Деиқәылашьца дтәан. Еибырҳәаз
здыруада, адәахьы ддәылигеит. Дцо даналага, дицны агәашә аҟынӡа днаскьеигеит. Гәдиса агәашә
иҭыҵымҭаз, аа, абаақәа, уаҩ иҟаимҵац ҟасҵеит.
Сыҩны умааижьҭеи иҵӡозеи, иҵасым, ҵәыцак
аанымкылаӡакәа... ушԥасышьҭуеи, иҳәеит аԥшәма
даалҵын.
– Агәашә сҭыҵхьеит, аха уара иануҳәа мап
сзахҳәаауам, – иҳәан, Гәдиса ишьҭахьҟа даахынҳәит.
Еиманы иҩналеит.
– Акы шәҽалашәымгалан, имазеины ишәымоу
аажәга, – иҳәан Гәдиса, акәакьҭаҿ игылаз астол хыгьежьаа днадтәалт. – Уаԥхьа стәеит, ииашамкәа
иҟасҵеит, утәа уааины, – иҳәан, аԥшәма, дидтәалару
дидымтәалару дақәымшәо данаанха, имахәар
аанкылан дааган диваиртәеит. Али-ԥси рыбжьара ахыжәла нықәыргылан, ҩ-ҵәыцак рҭәны
инарымҵадыргылеит. Гәдисеи аԥшәмеи неиҿаԥшыааиҿаԥшит, аха аҵәца аӡәгьы иаанимкылт.
– Гәдиса, акы аанкыл! – иҳәеит аԥшәма, аҵәца
шьҭихырц игәы ишҭамыз аниба.
– Уара уаԥшәымоуп, аԥхьа изыхәҭоу уара уоуп.
Нас саргьы иааныскылоит, – иҳәеит Гәдиса.
Аԥшәма мап изымкит, инапқәа ҵысуа, игәы
ишаҭахӡамыз иааникылан, ихҭәалан иқәиргылт,
ҿамҩак ахымжәааӡакәа, Гәдисагьы аԥшәма ишьҭахь
иааникылан, иара ишыҟаиҵаз еиԥш ихҭәалан
инықәиргылт.

– Ус ҟоумҵан, ҵәыцак аҟара ужәыр сгәы абаауеит.
– Сымацара изжәуама, уара иҟоуҵаз ҟасҵеит.
Амала ҳҩыџьагьы иҟаҳҵаз иашаӡам. Ихҭәалан,
иахумжәааӡакәа ақәыргылара ҵасым, рҳәоит,
уахьынтәи ицаны иаахьада, аха аԥсы изы исабаԥым
рҳәоит.
Аб уи ииҳәаз ажәак ахымҳәааӡакәа ихиҭәалахьаз
аҵәца аақәхны ихижәааит.
– Хыжәладагьы иҵасӡам, аԥсы иԥырхагоуп...
Абарҭқәа зегьы заԥу аԥсы иԥылоит, – ҳәа ихыгәы дынҭалан, аб рыцҳа, зыхәда еималарц егьызгымыз, ҿаҵақәакгьы лбааидеит, ҵәыцақәакгьы
(ҭимырцәызаргьы) рыбжа-рыбжа рҟныӡа ииржәит.
Днаскьаганы дуоишьҭит. Ианеиԥырҵуаз, зынӡа
сышьҭамхозар сеиҭаауеит ҳәа иеиҳәеит.
– Убара шысҭаху анцәа сибааит, аха угәы
бзиамкәа амҩа уқәымлан, сара снеиуеит, иҵегьы
ҳнеицәажәарц сҭахуп, – ҳәа иеиҳәеит.
...Ажәа егьыхәшәуп, егьышҳамуп.
Аҽшьра аҟынӡа инеины, ашаха кнаҳан иаҵагылаз
аб рыцҳа, ажәа лабжьарала Гәдиса даҵигеит. Лашьцарамзар лашарак сыла иасырбом ҳәа зыҩны
идәылымҵӡакәа хланҵы иԥшуа итәаз, дааирԥшит.
Адәахьы ддәылигеит. Адунеи дықәирԥшит. Зынӡа
иааигәаны акәымзаргьы, алашара ахьыҟаз аҟынӡа
илаԥш наӡо далагеит...
Аизара иҟалараны иҟоу уҽалаурхәырц сҭахуп ҳәа
изицҳан дааит. Гәдиса ацәажәара даналага, иажәақәа
акы илымҳа иавимыжьырц, дизааигәахан дгылт.
Амҵ ԥыруазар абжьы уаҳауа аҟынӡа ҭынчрахеит,
Гәдиса ацәажаәара даналага.
– Ҟанчобеи ииҳәаз шәаҳаит. Иахьатәи аԥсҭазаашьа
иҳамоу атәы далацәажәеит. Ииҳәаз зегьы иашоуп, аха дагәыламлацәакәа иааркьаҿны иҳәеит.

Сара, аҽагажә ҳаԥшьа хтыгоуп ҳәа шырҳәо еиԥш,
снагәылаланы ҳшыҟоуҵәҟьа сҳәарц сҭахуп. Иахьа
ҳарҭ, акыр зықәрахь инеихьоу зегьы, иаҳҳәо акоуп.
Ҳҿар ҳқыҭа ааныжьны ақалақьқәа рахь ацара излаҿу
ала, ҳқыҭа ҭацәуеит. Ҳара ҳаиԥш ақәхап егьырҭ
ақыҭақәа рҿгьы ишыҟоу. Ус ҟашәымҵан, шәзааӡаз
шәыҩнаҭақәа кашәыжьуама ҳәагьы гәыбӷанс иру­
ҭозеи. Иаангылар излагозеи, хныҟәгашьас ирымоузеи, аколхоз ыҟам, асовхоз ыҟам, аус абаруеи,
ишәҭаху ҟашәҵа, ишышәҭаху шәынха ҳәа ауаа еиурыжьит.
– Ауаа рыбӷа ԥызҵәахьаз, ихзырҵәахьаз акол­
хозқәеи асовхозқәеи рахь еиҭа ҳхынҳәырц уҭахума?
– ҳәа Баҭаҟәа изымычҳакәа аҵәы илеиҵеит, аха
Гәдиса имаҳаӡашәа ҟаиҵан, иажәа аанымкылаӡакәа
ацҵара даҿын. Ауаа ракәым арахәҵәҟьа еиуужьыр
ишԥаҟалои?
– Шәрахәқәоуп ҳәа аума ҳҿар ироуҳәарц иуҭаху?
– Баҭаҟәа еиҭах даацәыҵаҟәындҟәындит, ибжьы
зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы, иааигәа-сигәа игылақәаз
ираҳауа. Ииҳәаз иадгылоз џьишьон, аха аӡәгьы
алаҿимҭӡеит. Гәдиса аҭакс ииҭарызеи ҳәа иԥшын.
– Аҿар рахь иумырхан, Баҭаҟәа, сара сызҿу аҭыԥ
ԥхақәа аанкыланы, жәлар рмал еимҵәаны ага­ра
иаҿу аԥсымҭәқәа рзоуп. Урҭ, егьызмамкәа, егьзых­
ӡымкәа иаанхаз ауаа, аҳәынҭқарра аҟынтәи акгьы шәақәымгәыӷын, ишәҭаху шәҳәала, ишәҭаху
ҟашәҵала ҳәа рарҳәеит, аӷәцәҳәы ианықәдыртәа.
– Гәдиса, иуҳәо иашоуп, – ҳәа абыжьқәа уажәыуажәы ирылыҩуан.
– Ҳколнхара иамаз амал абаҟоу, ҳаӷацәа ҳалӡааны
ианцоз иргама?
– Саԥхьа рахә уоуеит, Гәдиса, абри сгәы
иҭыхоижьҭеи иҵӡозеи, аха аҳәарҭа ҳамамызт,
ҳаизар ҟаломызт. – Зуаҩыбжара иахысхьаз

уаҩ аԥшьык ибжьы ҵрыхәҵәаӡа, Гәдиса иажәа
ахьԥиҵәоз азы аҭамзаара шьҭаҵо, – ҳара иҳамаз
еиԥш ақыҭанхамҩатә техника змадаз, зегь
еиқәшәаны аус руан. Уи ашьҭахь иныҵаба ицеит. Зегьы ишәымдыруеи, асааҭ еиԥш еиқәшәшәа
аус руан, ақыҭанхамҩатә техника зыԥсаз здыруаз
дахьынӡахагылаз. Аа, ихаҭа дааны дахьҳалагылоу, –
Алиас иахь рызегьы нарԥшуа, – уи дахьынӡаҟамыз
ақыҭа зегьы ианыԥшит. Аибашьра ашьҭахь игәы бзианы дҳамазҭгьы, иахьа ҳшыҟоу ҳҟаломызт, аӷәцәҳәы
ҳақәиртәомызт.
– Ус ауп, ус ауп, – Гәдиса иажәа ацҵара далагеит, ахаҵаԥшьы игәы иҵхоз аниаҳа ашьҭахь.
– Алиас дахьынӡаҟамыз аамҭа рхы иадырхәеит
џьоукы. Изларҳәо ала (уи сара сыла иамбеит аха),
ақыҭанхамҩа иатәыз атехника Егры нырцәаа,
«ҳауацәа бзиахәқәа» ираадырхәеит.
– Уара иуҳәо иашоуп, иахьа ҳазлацәаӷәо, ҳаз­
лалаҵо, ҳазларашәо ҳамаӡамкәа ҳаанхеит. Атрак­
тор аҟынтәи ацәмаахь ҳаиасит. Ҳнапхгаҩцәа
«ҳрааӡеит»... ус дара рхы рааӡааит! – ахаҵаԥшь
иҽизнымкылакәа, еиҭах Гәдиса иажәа днаԥыҩлеит.
– Ацәмаҭәахь ҳаиасит уҳәоу? Ацәмаҭәа ахала ицәаӷәома? Иҵаҳкуазеи? Ацә змамыз иарбагь
ҵакра игон ҳәа ззырҳәоз ҳиеиԥшхеит. Ҳқыҭа зегьы уалсыргьы цәык змоу, шамахамзар, аӡә дубашам. Ихәҵыртланы, ауӷә ақәхны, аԥсы асыршьоит ҳәа ианаауушьҭ нахыс, уаҳа иубараны иҟаӡам,
аҵыхәа кны уашьҭамзар. Иаразнак иааимҵарсны
аӷьычцәа иргоит. Аума ззырҳәо ҟаланы иҟоуп
ҳқыҭаҿы. Аибашьра ашьҭахь бжеиҳараҩык анхацәа
рымхқәа рзыламҵаӡакәа иаанхоит. Зҿы ҳашшуада?
– ахаҵаԥшь иааимидеит акыр зықәрахь инеихьаз
аӡәы, ибӷа хәаны, илабашьа нарсны, ихҭарԥа ааихыхны даагылан.

– Аҽқәа ртәы ухашҭыма? Ацәқәа ртәы ауп иуҳәо.
Алиас дад, уара иуаҳарц сҭахуп, цәыда ҳанықәха,
ҳаҽқәа ҵакны ацәаӷәара ҳалагеит. Аӷьычцәа ҳацәқәа
ианрылга, ҳаҽқәа рахь ииасит. Иаахәлеит, ашахақәа
рымӷаҵаны аӷьычцәа аҽқәа ирышьҭалоит. Ирбеит, иркит, ирыманы ицаны, Ԥсоу аҳәаа иахганы,
Адлертәи аҽтәы колбасҟаҵарҭатә фабрика иаа­дыр­
хәоит.
– Акәтыҵәҟьа аҳәаа иахугар руӡом. Аҽ дуӡӡа ахгашьас иарҭозеи? – ихараны игылаз аӡәы ибжьы рдуны, зегьы ираҳаратәы ҿааиҭит.
– Уи ауп исҳәарц исҭаху. Аӷьычцәа рызегьы
аԥаршеи шәыҟәқәа, амҳәыр раарханы рџьыба иҭоуп,
дара рхатәы ҽқәа ракәушәа. Ирызҭо дтәаны дыԥшуп
схәы анбааргои ҳәа.
Абас аниҳәа, еибарччеит иажәа ахьцоз здыруаз.
– Ари иахьа иидыруаз аблеҭ иқәшәеит, иажәа
нҵәа­раны дыҟаӡам, – иҳәеит аӡәы рацәак
игәамԥхакәа.
– Абри абӷа џьыҟә дызтәу ҳәа аӡәыр шәыҟазар
даанышәкыл, акәымзар ҳара деиқәаҳкуеит, – рҳәан,
иҵыҩрит Баҭаҟәа иқәԥаҩцәа, иаб иашьа иԥацәа
ҩыџьа, ацәаӷьқәа реиԥш, рылақәа нарҳәы-аарҳәуа,
рыԥшра мацара иуанаҳәон изакәқәаз. Алабашьа
зҵаргәаны игылаз, иқәрагьы, агәхьаа мкӡакәа, аҽа
ажәак ациҵар ишынеигәыдлара рыҽхыршан игылан. Рхы шымҩаԥыргоз збоз аӡәгьы ажәак рымеимкит. Зегьы ирдыруан урҭ орхьи змаҳауаз, аӷьатама
хжәацәа шракәыз...
Баҭаҟәа ҳара ҳтәы иоуп ҳәа, аӡәы цәгьакы ааизиҳәар
ихы хаҳсоит ҳәа ишьҭалон. Анцәа иџьшьаны, аӡәгьы
ихы рылеимгалацызт. Баҭаҟәагьы, сара стәқәа роуп
ҳәа, имаҟахы иадҳәаланы, қәԥаҩцәас иҟаҵаны иман.
Аизараҿы ианааз нахыс ҿымҭӡакәа игылан.
Баҭаҟәа иазыҟаҵаны иман, иара изы ихәарҭам аӡәы

акы иҳәо далагаанӡа рҿы аӡы ҭаҭәаны игылазарц....
Сара исҳәаанӡа ҳәа ибжьаны иман «ицәаӷьқәа».
Аха уажәы зынӡа иахьрыхьуазҵәҟьа ианақәиршәа,
абӷахәа дыҵнарҟьеит. Урҭ рыхьӡқәеи рыжәлақәеи
имҳәеит, аха дара ишрызкыз рымдыруази. Аҽқәа
ӷьычны, Ԥсоу аҳәаа иахганы иганы Адлертәи
аколбасҟаҵарҭа иаазырхәоз дара ракәымзи. Рхатә
ҽқәа ракәушәа ашәҟәы знапы аҵаҩны, зымҳәыр
аарханы ирызҭоз Баҭаҟәа иакәын. Схәы анбааргои ҳәа ирзыԥшызгьы иара иакәымзи. Ишамуаз ибон. Ацәгьамыцәгьақәа иааҟаиҵахьоу зегьы
рхәыҵырттара иалагар ҳәа акәын изышьҭымхуаз.
Абгаду акәтрыбгақәа кәытӷьычра ишьҭны, иара
ахаԥыцқәа хуа итәаны исзааргозеи ҳәа иԥшын зҳәаз,
аухаҵәҟьа ақәԥацәа деимыжәжәа дыдиргон.
Алиас иакәын зегь раҵкыс дзыцәшәоз аханатә
аахыс. Аха, иҭынха ду амаҵура ду анирҭа нахыс,
Алиас иакәым, аибашьцәа зегьы иҿагыларгьы аӡәы
сицәшәоит ҳәа дыҟамызт. Аха ишырҳәо еиԥш,
акәапеи есқьынгьы аӡы аанагом. Игәыӷырҭа ду
еизиҳәҳәаз жәлар рмал иԥырхагахеит, ишьапқәа
иҵнахит, инапқәа имнахит. Изшьапык икабинет
иҩнагылоуп макьана, егьи ишьапы иҵҟьан адәахьы
ицахьеит ҳәа аниаҳа, амца икын, абылра даҿын,
ҿиҭуа дыҟазма.
– Шәанаџьалбеит, аҽқәа рӷьычра атәы ауп ишә­ҳәо,
ауаа рӷьычра ишалагаз зышәымҳәозеи? Уи аҵкыс
еицәоу иҟалараны иҟоузеи? Дабаҟоу ҳашкол адиректор? Ҳхәыҷқәа рааӡара иаҿыз, аибашьра аԥхьатәи
амшқәа инадыркны хацәнымырха аӷа иҿагылан
иқәԥоз, ифырхаҵареи игәымшәареи рзы Леон иорден
занаршьахьаз, дыҟаӡамызшәа дныбжьахәаша дцеит. Дзыхдырҟьаз здыруа шәрацәаҩуп. Араион аҟны
арҵаҩцәа реизараҿы ажәа анирҭа абас иҳәеит: «Аибашьра хлымӡаах анаҳхаага ашьҭахь, ажәлар агәыӷра

ду рыман ҳаԥсҭазаара еиӷьхоит ҳәа. Ҳаԥсадгьыл
аӡәы ҳахибаауа ҳҟалом, ҳазегь ҳаидгыланы аҭынчра
нхамҩа ҳанылоит ҳәа. Аха, изеицәааӡарызеи, ҳазну
амҩа ҳахькылнаго ҳаздырӡом. Ҳаншәырха ҳәа
ажәлар зыгәра ганы знапы ианырҵаз еиҳараҩык
ҳандырхарц иаҿу, ҳахдырҵәарц иаҿу узеилкаауам.
Ачынуаа рызхара ҟамлеит, ажәлар рмал иаханы агара иаҿуп. Аҽа мҩак ԥшааны ҳақәымлар, ԥхьаҟагьы
ҳзымцо шьҭахьҟагьы ҳзымцо, ҳаанхар алшоит.
Ииҳәаз џьоукы иргәамԥхеит, рхы иалнарҟьеит.
Иаразнак длаԥшықәырҵеит. Иқәгылара ашьҭахь
мызкгьы аамҵыкәа, иусура мшы анынҵәа, ашкол
аҟынтәи иҩныҟа дышцоз (аккара дылсны акәын
есымша дышныҟәоз), џьоукы данаауа ҳәа рыҽӡаны
изыԥшызаарын, абна иаалҟьан, дҳәынҷан дыргарц
иқәыркит. Аха иҽримҭарц даламгакәа дыҟам, мчыла дшыргаз злардырыз, дахьыркыз аҭыԥаҿы ашьа
рацәаны икаҭәан, хыхьтәи имаҭәа ԥыжәжәаны
икаԥсан, изеимаак насҭха ишьҭан. Амч имаз зегь
илырхызар акәхап, дыргеит. Уиаахыс шықәсык
еиҳаны иҵуеит, ихабар зхабару ыҟаӡамкәа,
дныбжьаӡ-дныбжьахәаша дцеит.
Уи инақәырццакны аҽаӡәгьы, аиаша иашьҭаз,
«Баҭаҟәа имаҵура дамхымзар ҳқыҭа зынӡа
иҵаирбгоит»ҳәа ажьиирҭаҿы аҽеимаақәа ҟаҳҵоит
ҳәа инеиз даарыдгылан, абас реиҳәеит, уи иара
изхеит, мчыбжьыкгьы днарымгеит. Иаразнак
дахьдырхәит. Хәылбыҽхак иҭаацәеи иареи аџьџьаҳәа
ишеилатәаз, «аԥшәма, уҟазар, уаабар ҳҭахын», ҳәа
игәашә иаадгыланы рыбжьы иқәдыргеит.
«Ара сыҟами, шәааи арахь, аҩныҟа», – иҳәан, иуаау џьшьаны, агәашә аартны, бзиала шәаабеит ҳәа
инапы ааиҵыхны аҿанынеирха, иамҵасны иркын,
дааилышьны дрыманы ицарц иалагеит (хҩык ыҟан).
Уигьы аԥхьа иргахьаз иеиԥш, дааилышьны, рҩыҵра

дыҵакны ирго иакәӡамызт. Аибашьра зегьы ихигахьан, изныкымкәагьы дырхәхьан, «исасцәа» бзиарак
азы ишымааиз аниба, агәашә иҭамыжьлакәа иара
дҭыҵын, шәзышьҭада, ишәҭахузеи ҳәа даарҿагылт.
Асабрадақәа рҿаҵаны игылан. Раԥхьа иҿагылаз,
инапы шьҭихаанӡа даниҿас, дышьҭҟьан, дцаны агәараҳәа дкаҳаит, деихасыҟәӡа, аҳәаԥа еиԥш
иԥсылаз аӡә иакәын. Егьырҭ аҩыџьа напышьашәала
ишимыхәоз анырба, иеихсит. Аԥхьа иқәшәаз ахы
дазкамыжьит. Аӡә дышьҭеиҵахьан, аҩбатәигьы
ихаӡӷара акыджәара дахьӡеит, уигьы дыхбыкьны
дцан, иҩыза диваҳаит. Ахԥатәи, уигьы иқәшәар
ҳәа дшәан, итапанча иҭаз зегь ҭаирцәит. Аԥшәма
дкаҳаит. Дзымҵысуа дшыҟарҵаз анырба, ҳилгеит,
даҳшьит рҳәан, ихыҵны ицеит. Уара иушьуа анцәа
дишьуам ҳәа, гәылеи-злеи аӡәыр дыҟазар зегь еизан, иԥсы еиқәдырхеит. Дымԥсыкәа даанхеит,
аха дуаҩыбжахеит. Асҟатәи хы зықәшәаз иԥсы
злаҭаӡоузеи, ишьапы неихганы ашә аҟынӡа дзымнеиуа дыҟоуп иахьагьы.
– Ҳаӷацәа ирылымшеит иҭархара, ҳара ҳтәқәа
изыруз жәбоит.
– Ҳара ҳтәқәа ҳәа ззуҳәо зусҭцәада? Иҳалаӡамкәа
анцәа иҳалихааит!
– Абри еиԥш агәынхарақәа ҟазҵо рзы азакәан ҳәа
егьыҟаӡам.
– Азакәан захьӡу еилыхра амамзароуп. Аза­
кәан џьоу­кы рзы изакәанны, аҽа џьоукы рзы
ианзакәанымха, ажәлар еицҿакны ирыдыркылаз
азакәан акәхаӡом. Хатә закәанхоит, уи иҭаххар, аус
аируеит, иҭахымхар, ишьҭахь дҩахан иаҵеиҵоит.
– Иахьа ишәылалазеи, уара, ҳабз ҳақәиҭхеит ҳәа
аԥша иаашәҿанагалалак зегьы шәҳәома, – иҳәан
ибжьы ырцәгьаны, инеимда-ааимдо зыгәҭыхақәа
зҳәоз дырҿагылт хаҵа кьаҿк иҽырпаӷьны, ихы ахаан

хәыц ықәымиаацызшәа ицырцыруа иҟаз, изымбац
аӡә дыҟазар иирбарц иҭахызшәа, уажәы-уажәы инапы нықәшьуа.
– Уара узусҭоугьы аадыруеит, уаҳԥырхагамхакәа
уҽаанкыл, иаадыруа зегь ҳаумырҳәан, – рҳәан, иҿы
еихыхны ажәак изымҳәо дҟарҵеит. Уи Баҭаҟәа
цәгьаҳәаҩыс иалхны имаз дреиуан.
– Ахпаш ииҭаху иҳәалааит, шәиҟәаҵ.
Еиҭадырҿыцит инеимда-ааимдо изҿыз аицәа­
жәара.
– Азакәан зегьы рзы изакәанзароуп, рыцҳашьарак
аламшәароуп ҳәа ззышәҳәо азакәан бааԥс аныҟаз,
шәара шәхаан, Асовет мчра аныҟаз аамҭазы акәын.
Уи ԥсит шьҭа, ишәхашәыршҭ. Иахьатәи ҳзакәан
еиӷьу ахаангьы ҳажәлар ирмоуӡацт, – хпаш дидгылан ацәажәара далагеит, иԥаҵа иҿарчны, илақәа
заҵәык рыда ихы-иҿы умбо уаҟа игылаз.
– Иуҳәо иашоуп, дад. Усҟантәи азакәан ԥсит, иаанханы иҟазҭгьы иахьа ҳшыҟоу еиԥш ҳҟалаӡомызт. Зегьы ҳарҟәаҵит. Нырцәааи аарцәааи асал ҳабжьаҵаны
ҳзеиҿамԥшуа ҳҟазҵаз рықәнага иақәыршәамкәа иаанхарызу. Аишьцәа ҳаилырхырц иаҿуп џьоукы, уи
ала ҳахьыӡ шьҭаҳхуеит ҳәа.
– Ақәнага ақәыршәара атәы уаналацәажәо,
ашьра, ақәылара, аӷьычра, жәлар рмал аимҵәара
уҳәару, цәгьамзар бзиа ҟазымҵац рықәнага
изақәыршәамзеи, цәгьарак змуӡац иеиԥш ибаџбаџуа
изҳалагылоузеи? Зҿы уашшуада? Абра ҳахьгылоу
инаркны зыҟны ҳамнеицда? Усеилыргаҩык икабинет аанаҳмыжьит. Зегьынџьара урыдыркылоит. Зегьы ирҳәогьы акоуп. Ҳрышьҭоуп, иҳаԥшаауеит, усда
ҳтәаӡам, иаанкыланы иҳамоу ыҟоуп. Аха урҭ макьана иҳазраргамом, изусҭцәоу ҳазҳәом, аусҭҵаараҿы
иаԥырхагамхаразы, ҳәа иоурышьҭуеит инаскьаганы.

– Ҳарҟаҭәоит… Ус рҳәоижьҭеи иҵӡозеи, аӡәыр
дыркхьоума, аӡәыр иус ӡбаны дҭаркхьоума? Кәыт­
ӷьыч­цәақәак ркуеит, нас аума ҟарҵазшәа ирҳәоит,
еиҭарҳәоит иааҟәы­мҵӡакәа.
– Акәтӷьыч имырхуазеи, лахьԥыракыгас иҟар­
ҵоит, ҳгылам, ҳтәам, ҳацәам, аус аауеит ҳәа ауаа
рхы ддырбоит. Егьырҭ адуқәа изрылакьысӡом,
рлахәылацәа роуп. Џьыбак иҭыҵуа заҟаҩ рџьыба
иҭалода. Сара шәсазҵаауазар, ари ҵыхәа ԥҵәашьа
амаӡам, ара ҳааины ҳашшит, араион анапхгаҩцәа
рҿы ҳцан ҳашшит ҳәа ҳаангылар егьалҵуам. Хыхь
ицатәуп, ақыҭагьы араионгьы шаҳхамыҵгылаз
рлымҳа аҟынӡа инагатәуп. Нас урҭ ирзыруа жәбап.
– Хыхь ицатәуп уҳәама? Уахь ҳцеит ҳәагьы
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 13
  • Büleklär
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2258
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2211
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3396
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2150
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3393
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2146
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3424
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2220
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3432
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2197
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3466
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2268
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3494
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2187
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2175
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3501
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3417
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3427
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2226
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3430
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2159
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3433
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2201
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3359
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2111
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3359
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2142
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 162
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 152
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.