Latin

Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 09

Süzlärneñ gomumi sanı 3494
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2187
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
алахьынҵа ахьимоуз азы ҳәа акәзар иаха чарада изеилгаз. Ахәылбыҽха иансаҳа саауеит ҳәа ианақәыскыз
саарауаз. Сара сыҟазҭгьы ацә исыршьуан, ачара
имур суӡомызт», – абас дхәыцуа длеиҩеиуа аҩны
аԥхьа дышгылаз, Чанҭа даадәылҵит. Дидныҳәалеит,
– Анцәа иџьшьоуп, деибганы дахьыхынҳәыз. Уара
уеиԥш ауп саргьы сшеигәырӷьаз Алиас иаара. Ибара
саргәаҟуеит. Макьана дышьҭазар акәхап.
– Мап, дгылахьеит. Ашьыжьымҭанӡа дгылан,
уара уахь дцеит. Шәеиқәымшәазар ҟалап. Џьара
шәеивнагеит. Уааи аҩныҟа, ҳнатәап. Уимбар, арахь
ушааз идыршт, уажәыҵәҟьа дхынҳәны даауеит.
– Аҩны симбар, дышиашоу арахь дааӡом... дахьцо здыруеит. Уа дшыҟоу сихьӡоит. Амала, ҵәыцак
аанымкылакәа сцом, – иҳәан, аҩны дыҩнамлакәа,
адәахьы дышгылаз (дыҩналар ҵәыцак ала ишзеилымгоз идыруан) ангьы абгьы ирыдиныҳәалеит,
Алиас деибганы дахьыхынҳәыз.
Чанҭа идимцалт, уара ишуҭаху иҳәеит, Даҭа дцо
даналага.

– Сара ишысҭаху уасҳәап. Алиаси сареи ҳаицны
ҳанаахынҳәлак, сара снапала исшьуеит ухкаара
иҭоу ацә... иаха изумшьыз ҵакыс иамоу здыруеит.
Игәы иаанагарызеи ҳәа, сара сзоуп изахугаз. Иара
имаҿуп аҽак сгәы иаанагараны сшыҟам. Аҩыџьагьы
еиԥшны иаабон уаргьы саргьы. Аӡәы даҳзынхеит,
даҳзеиԥшуп. Уигьы анцәа иџьшьоуп, аԥсра ахықә
аҟынӡа днеины дгьежьит. Ҳаԥсыр ҳазжуа дҳамоуп.
Уахаҵәҟьа ачара аауеит. Уара уҩы аҵкыс еиӷьу аҩы
сара исымоуп. Уара уаҵкыс еиӷьны иҟасҵоит ҳәа
акәым ус зысҳәо, ара алаҟәыра аҵкыс ҳара ҳхәадаҿы
ажь еиӷьны иҟалоит. Уара ацә аужьны иуман ихьӡала,
сара аҩы ҭаҭәаны исымоуп ихьӡала. Аҷкәынцәа
ирасҳәахьеит, ирыманы иаауеит. – Абри ааиҳәан,
даанымгылаӡакәа дцеит.
Алиас, амҩа данықәлоз, аԥхьа Сафарбеи ины­
шәын­ҭраҿы дцаны, игәы-иԥсы далыхны даны­
хынҳәуа иаб иҿы дынкыдгыланы дибарц иӡбеит, аха
дааигәахо даналага игәы иамуит аԥхьа Сафарбеи
инышәынҭрахь дымнеир.
Аҟәараштәи аибашьцәа раԥхьагыла акоманда­
ҟаҵаҩ, ақәылаҩцәа ихьӡ анраҳалак аҩ иҵалон.
Аҟәаршаа зегь раԥхьа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ занашьахаз. Фырхаҵарыла зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз,
Сафарбеи иоуп абра ижу ҳәа уаҩы игәы изаанаргомызт, ипатреҭ асаркьа иҭасаны иханы игыламызҭгьы.
Иара уигьы ақәа ахьавҵалоз аԥштәы цахьан,
ихҩежьаахахьан. Аанда акәзар, ҵәҩанла ихкаан.
Џьара-џьара унакьысыр ишныҵыҩрра иҟалахьан.
Ахыб иақәыз ашифер бжеиҳарак икылыжәжәа иҟан.
Сафарбеи ҳгәыӷырҭа иоуп ҳәа Аҟәарашаа зегьы
иззыр­ҳәоз, инышәынҭра иаб ауаҩ бырг, ауаҩы чма­заҩ
инапы ада аҽа напык адкылаӡамкәа игәыгәҭажьны
Алиас иахьибаз, иҩызцәа рзы игәы ԥыжәжәо дышгылаз, аԥшаҳәахьынтәи ҽык акьыркьырыбжьы илымҳа

иааҭасит. Ҟәараса абжьы акәушәа иаҳан, ихәы-ижьы
қақаӡа иааилагылт. Уаантәи днаԥшны аԥшаҳәа
ибарҭамызт, анышәынҭра дын­ҭыҵны ахәада хыхь
дхалеит.
Аԥшаҳәа ахи аҵыхәеи зегьы лаԥшыла иааимидеит, аха арахә ҳәуа иқәын акәымзар, ҽык аԥшаҳәа
ианны ҳәа имбеит.
Ишьҭахьҟа даахынҳәит, аха аҽы акьыркьырбжьы иаҳаз игәы иҵалан, ибла иаахгылт Кәыдры
аӡиас аԥшаҳәаҿы иҟалаз арыцҳара – Сафарбеи
дақәтәаӡамкәа Ҟәараса ахала иӡхыҵны, аҽашьрашәа
ахы кыдҟьо, аԥшаҳәа иананыз. Аԥынҵа иҭҟьаны ицоз
афақь атрышәбжьы еиԥш акәын ишгоз. Алымҳақәа
шьҭыхны агәы аҭҳара-ҭҳараҳәа еисуан. Зны иҩны
алада ицон, аҽазны аҩада. Ихышхыҵәан илеиуаз Кәыдры ахықә инықәххуан, иԥан аҽаланажьырц
аҭахызшәа. Агәаҟра аман, акы иашьҭан. Абжьы
иахылҵуаз, иҵәыуазшәа акәын ишуаҳауаз.
Изышьҭоузеи, иаԥшаауазеи ҳәа аӡәы иԥсы ак
ахирӡаауамызт. Зегьы ирдыруан Сафарбеи иҽи иареи заҟа еизааигәаз. Иара бзиа ишибоз еиԥш акәын
иҽгьы бзиа дшабоз.
...Игәалаиршәон Сафарбеи: Ашкол ашҟа сцоит
ҳәа (усҟан уи аԥшьбатәи акласс аҟны дтәан) аҩны
дахьаадәылҵыз, иаб ҽҵыск иманы ашҭа дшықәыз
ибеит.
Саб аҽҵыс сзааухәама ҳәа дгәырӷьаны дааидыххылеит. Актәи акласс аҟны дантәаз аахыс диҳәон
аҽҵыс сзаахәа ҳәа. Уаҵәы иузаасхәоит, уаҵәашьҭахь
иузаасхәоит ҳәа дақәыргәыӷуа дышимаз, уи аҽны
исзааихәаҵәҟьеит ҳәа агәра иган, давагьежьуа
давакәашо далагеит, ашкол ахь ацара ихаршҭны.
– Ашкол уҽагумырхан, уца, уанаалак иуасҳәоит, –
иҳәан, ишиҭахӡамыз ддәықәиҵеит.

Ашкол аҟны дышнеиз еиԥш зегьы раԥхьа, зегь
реиҳа изааигәаз Алиас иоуп иаб аҽҵыс шизааихәаз
зеиҳәаз.
Сафарбеи уи аҽны игәы хыҭхыҭуа дыҟан, аҽҵыс
деигәырӷьан дыԥсуан. Аурокқәа рышьҭахь аԥшьба­
тәи «Б»класси дареи ашьапылампыл еицасраны
иҟан. Аха уи дазыԥшуа дыҟазма, аҵыхәтәантәи
аҵәҵәабжьы агара ишналгаз еиԥш ддәылҟьан,
иҽҵыс ахь дыҩит. Уи дахьцоз Алиасгьы дишьҭазар
акәын. Аҩыџьагьы еицны ашҭа ианааҭала, аҽҵыс
шәаны иҩны ицарц иалагеит, аха ашьамхы
ӷәӷәамхацызт, иаҵаҟәаланы икаҳаит. Еибарыҩны
инеины иаашьҭырхит. Иргәыбзыӷуа, ахы шьшьуа
ирыман ашҭа ишықәыз, Сафарбеи иаб Даҭа аусҳәарҭа
аҟынтәи дхынҳәны дааит. Еизарак рымазаарын.
Сафарбеи иаб ашҭа дшааҭалаз еиԥш дыҩны
диԥылан, – ари аҽҵыс шьҭа сара стәы ами? Иаахәаны
исзааугама? – ҳәа диазҵаауа далагеит.
– Ари аҽҵыс аасымхәаӡеит. Иҟьаланы иҳаднага­
леит. Ашьыжьымҭан сангыла агәашә ишадгылаз
збеит игыргыруа. Ирыцҳасшьан, ашҭа иҭасыжьлеит,
абнахь ицар акы ахьыр ҳәа сшәеит. Ашҭа иҭазааит
изтәу дашьҭаланы даанӡа,– иҳәеит.
Сафарбеи иаб ииҳәаз ицәымыӷхеит. Иара итәны
аӡә даакылсны, ари сара стәоуп ҳәа ицәганы игазшәа
игәы ааҟалан, ахьҵәыуара далагарц егьааигымхеит.
– Изтәу данаауа здыруада. Иахьа аизараҿы
сахьы­ҟаз, зегьы сразҵааит, аҽҵыс хәыҷы аӡәыр
ишә­цәыӡны шәыҟоума ҳәа. Рызегьы мап рҳәеит.
Изцәыӡны иашьҭоу аӡәыр дыжәбозар, иҟьаланы
ҳара ҳҿы ишнанагаз, сыҩны ашҭа иҭаҵаны ишсымоу рашәҳәа ҳәа рыласҳәеит.
– Аӡәгьы дашьҭаланы дмаар ҳара иаҳзынхома? –
иаб аҩны дыҩналаанӡа дихьӡаны дизҵааит.

– Изтәу сара соуп ҳәа аӡәгьы дкылымсыр ара
иаанхоит. Зынӡа ихәыҷуп. Ахала иабацои? Ан
злаԥшаауазеи, ирыцҳами. Аныда иаанханы иҟоуп.
Аҽы ауаа иҳаиԥшуп, иахшаз канажьраны иҟаӡам,
иааӡаны ахала ахы ныҟәнаго иалагаанӡа.
– Алиаси сареи аҳаскьын аҿаҳҵоит ҳәа ҳалаган,
иамфаӡеит. Амла иамкӡои? – иаб аҩны дыҩналаанӡа
дихьынԥашалан даанкыло дизҵаауан.
– Уи макьана аҳаскьын афашьа аздырӡом. Ахш
ауп иаҭаху, – иҳәеит Даҭа.
– Амла иакуеит, ахш бымаӡами? Иаҳаржәып, –
ҳәа иан длывагьежьуа далагеит.
– Аҽҵыс атәоуп иуҳәо. Уара, Алиасгьы уаргьы амла
шәамкӡои, ашкол аҟынтәи шәааижьҭеи заҟа ҵуазеи!?
Аҿаҵа лбаашәымдац, ахш шәхәы ауп иаанкыланы
исымоу, шәнеи, шәнатәаны акрышәфа. – Сафарбеи
иан рхәы цәырганы ирымҵалыргылеит. Абарҭқәа
зегьы уажәы ибозшәа акәын ишигәалаиршәоз.
– Аҽҵыс ан амаӡам. Ирыцҳауп, ари акраҿазҵода,
– иҳәан, ахш, иан ирымҵалыргылаз, аашьҭыхны аҽ­
ҵыс иасыржәуеит ҳәа иман дцеит. Сафарбеи иамҵа­
ир­гылан, иамжәит, инафыҩшәа ҟаҵаны, инаскьаны
игылеит. Иаашьҭыхны инаган ақьышә иқәикит, аха
иамуит.
– Уаҟәыҵ, иумыргәаҟын, аҽҵыс ан ахш ада
аҽакы ажәӡом, – иҳәеит Даҭа. – Аҽҵарақәа зегьы
ус ауп ишыҟоу, ранацәа ирымҵуа ахш ада, ажәқәа
ирымҵуа рҿахьы инаргараны иҟаӡам. Шәааины
шәхәы шәфа. Сара ан сашьҭалоит, исыԥшаауеит.
Исыманы саауеит, нас иаҵаланы ахш шажәуа жәбап,
– ҳәа иргәыбзыӷуа иааган, иаб акрырҿеиҵеит
ишырҭахӡамыз.
Ан ааны акраҿанаҵоит, ҳәа иеиҳәеит далеижьарц, аха Даҭа аҽқәа ртәы бзианы идыруан. Ауаа
реиԥш ирыхшо ирхыбаауан, рхала рхы ныҟәырго

иалагаанӡа, ирыхӡыӡаауа ирааӡон, заҵа икаршәны
имцарыз. Ан еибгамзар ҟалап ҳәа агәҩара иоуит. Изманы иааз аҽеиқәа ан ауп ҳәа дшыҟаз, дазааигәахо
даналага, аҽҵыс хәыҷы ааныжьны, иҩны иандәықәла ауп ианиба иаазгаз шҽабыз. Аҽеиқәа
аанымгылаӡакәа ицеит. Арашь еиԥш ахәда ҭҳәаны,
ирдыдуа акәын ишцоз. Даҭа ари еиԥш аҽы ақыҭаҿы
аӡәы иманы имбацызт. Илаԥш иҵаӡаанӡа дгыланы
дазыԥшуан. Уинахыс ахабарагьы имаҳаит, ахаҭагьы
имбеит, иныҵаба ицазшәа.
Аҽҵыс хәыҷы сара стәоуп ҳәа аӡәгьы дцәырымҵит.
...Амла иаго ианалага, Даҭа ааигәа зҽан аҽҵыс
арииз ргәылак иҿы дцаны диҳәеит ахш азы.
– Аҷкәын даашьҭла хәылбыҽхала, акы акәым,
ҩбагьы рхәы ахш амоуп сара стәы, – иҳәан, даннеиз аҽныҵәҟьагьы иҽы хьаны ииҭан, дхынҳәны дшааиз еиԥш ацәымҳа азна наган ианаҿеик аԥхьа ахы
аҟьара иалагеит, аха мчыла аҿы аартны, инацәа ахш
иӡааршьшьыланы ианаҿеик, ан акыкмацә акәушәа
иамҵасны иакит. Инацәкьыс ааҿыхны ахш зҭаҭәаны
иикыз ацәымҳа анаҿеик иахан, аҟәата-аҟәатаҳәа
ажәра иалагеит.
Даҭа аҽыхш зыҟнытәи иааигаз ишҟа Сафарбеи
иҟны дганы ианиирба нахыс, иара есхәылбыҽха
дцаны аҽҵыс ахәы азааигон. Уинахыс убас инапы
иашьцылеит, инацәа аирбаргьы цәымҳау џьшьаны,
иамҵасны иаанкыланы ацәара иалагон. Ашкол
ахьынтәи ашҭа дшааҭалалак, игәырӷьаны иҩны
иԥылон ахы ихьнашьуа. Ахәмарра аҭахын. Иара
ида аҽаӡәы иааигәа инеиуамызт. Мызкы-ҩымыз
рышьҭахь аҳаскьын сфоит ҳәа ахы шьҭнашьуа иалагеит ашьацраҿы. Сафарбеи ари аниба ауҭрахь дцаны, ауаҩ ишьапы зыӷрамгылацыз аҳаскьын ҟатақәа
хыҵәҵәаны, иааганы аҿаҵара далагеит. Ирласны
иазҳаит. Ашьҭахьтәи азшьапык ашьхәа ҷашьӡа,
ақалԥад шкәакәа ашьоушәа акәын ишыҟаз.

Ашҭа ихәмаруа иахьҭаз збоз зегьы рылаԥш адхалон, убас иԥшӡахеит.
Даҭа игәылацәа акырынтә иазҵаахьан, ишԥауд­
на­га­леи, уара уҿы иаашьахазеи, ҽыжәла бзиак
иашьҭ­рам­кәа иҟам, агылашьа, азҳашьа злаҟоу ала
ҳәа.
– Баша ирымҳәозаап, шьыжьымҭан игылаз иҽан
ҽаба аҵеикит ҳәа. Саргьы убасҵәҟьоуп, шьыжьымҭан
сахьыҩагылаз сгәашә ишадгылаз збеит. Ҽеиқәа лашак иааганы исызныжьны ицеит.
– Ан акәзар акы уҳәап, аха аҽаба иацны ишԥааи
ҿыц ииз аҽҵыс хәыҷы, – ҳәа изаҳалак уамашәа ирбон.
...Абас ишыҟаз, ҽнак уаҩ быргык дизааит Даҭа,
ухшыҩ ҳалауҵароуп, хазынхара ицахьоу сыҷкәын
аиҳаби Цгәы иԥацәеи еиланагалт. Сыҷкәын нхара
даннеиз ишәаны, изаны ирҭаз адгьыл иванхо Цгәы
иԥацәа уи анкьа ҳабацәа рыдгьыл акәын ҳәа игылеит. Рыҽдырцәгьеит. Адгьыл атәы цәгьоуп. Адгьыл еимакны заҟаҩы еибашьхьада. Даара сшәоит.
Сыҷкәын иҭахикаахьаз, дара нкылсны ҵәҩан шьапык аанмыжькәа иҵҳәаны икарыжьын, дара ртәахьы
иадҵаны ихыркааит. Сара стәгьы игәы ԥжәан дара
иҟарҵоз аҩыза ҟаиҵеит... Иаднагалақәаз рацәоуп,
аха еиныршәашьа рмоуит. Еидыԥсылар ҳәа сшәоит.
Уара уажәа хәшәуп, урҭ реиԥшқәа ракәым ашьоура
зыбжьоугьы урыбжьаҟазаны заҟаҩы еинуршәахьада.
Даҭа џьоукы-џьоук реиԥш ихы ахә алыхра издыр­
ӡо­мызт. Иуҳәаз саҳаит, сара сызхәо акы акәны
иҟазар мап уцәыскуама. Санаҭаххо аамҭазы адырра соуратәы иҟаҵа иҳәан, абырг уаҳа имырҳәакәа
дақәшаҳаҭхеит.
Абырг, Цгәы иԥацәа иҷкәын ицәыргаз адгьыл
аарымхны иҷкәын ирҭазшәа аҟынӡа, агәахәара
инаҭеит Даҭа мап ахьацәимкыз аус алацәажәара.

Абырг, Даҭа иҟынтәи иаҳаз агәахәара инаҭан,
дахьирааԥсаз азы аԥсшәа карҵәаны иеиҳәеит. Абзиаразы уҩны ауаа аалааит иҳәан, дцарц даныҩагыла,
ус усзышьҭуам иҳәан, дааникылт.
Иаҭахым, аџьабаа шәхы алашәымгалан ҳәа абырг
ишиҳәозгьы, ааигәа ҳаҩны умааӡацт, ус иҟалома
иҳәан Даҭа, исас ҩба-хԥа фырџьан имыркыкәа
дыхьшәашәаӡа доуимышьҭит.
Агәашә дыҭганы доуишьҭырц диманы дышнеиуаз, аҽҵыс (шьҭа аҽҵыс узазҳәомызт, имыр­
хәацхахьан) ихәмаруа, иԥо ашҭа ишықәыз илаԥш
анақәшәа даагылан, илабашьа наиҵарсны азыԥшра
далагеит.
– Ари ааухәоу, уара утәы иахшаз акәу? – ҳәа
дизҵааит.
– Мап, сара уи зыхшааша аҽы сымаӡамызт. Ахала
аныда исзааит зынӡа ишыхәыҷӡаз.
– Сахьахәаԥшуа, ҽыжәла бзиак акәымкәа иҟам.
Хыр­ҳагас анцәа иуиҭааит.
– Абас ааиҳәан, ԥыҭк днаскьахьан еиԥш,
ишьҭахьҟа даахьаҳәын, еиҭах ахәаԥшра далагеит. –
Аӡәгьы иааимгаӡакәа, ма ҽык иацны имааӡакәа, ахала иаама? – иџьашьаны дизыԥшуа деиҭаизҵааит.
– Узазҵаауазеи?
Даҭа, абырг иҵаашьеи, дшахәаԥшуази рыла сара
стәоуп ҳәа иҳәарашәа ибон, иааигәамԥхеит. Иара
итәы акәызҭгьы абасҟак аамҭа дабаҟаз игәахәын.
– Анцәа иныс, абри амырхәац, уашьҭа сыла самжьозар, џьара избахьеит ҳәа сыҟоуп. Издырзар ҳәа
сыҟоуп. Излаудырзеи ҳәа усазҵаауазар, ашьҭахьтәи
ашьапы ашьхәеи алахьи рыла ауп. Алахь ҷашьын,
ашьҭахьтәи азшьапык ашьхәагьы ақалԥад шкәакәа
ашьоушәа иҷашьан. Иара ахаҭаҵәҟьоуп аригьы.
Амала, аиаша шсоуҳәара, ахала иаау, аӡәыр иааганы
иуиҭоу?

– Сара изӡаӡом. Ишԥауднагалеи ҳәа исазҵаауа зегьы ирасҳәоит. Ҽеиқәак иаманы иааны, сгәашә иадыргыланы ихынҳәны ицеит.
– Аҽеиқәа ҳәа узҿу уара ухаҭа иубама? Ҽанзу, лашазу?
– Иахьагьы иџьасшьоит. Аҽҵыс аазгаз аҽеиқәа
лашан.
– Шьҭа еилкаауп. Аҽеиқәа иацны иааит ануҳәа
нахыс агәра згоит, излаздырыз уамҳәакәа сызцом,
– иҳәан, дналаган изеиҭеиҳәеит. Абасгьы дналагеит. – Абжьааԥны еиԥш уи аҽынгьы сыџьмақәа
нкыдырҳәыла – аакыдырҳәыло исыман амарда
сшаҿаз, сааԥсан, сыԥсы неиҭаскуеит ҳәа скәахьча
нышьҭасҵаны снықәтәан, сшынаԥшааԥшуаз ҵаҟа
ииасны инеиуаз акәараҷҷа ахықәан ҽык еиз­
ҟьа иԥсызшәа ишьҭан, ҿыц иины иҩагылазшәа
ашьапқәа ирызнымкыло, игыргыруа ҽҵыс хәыҷык
ахагылан. Аҽы арахә иреиԥшым, иахьаақәшәо
итәаӡом. Ӡынра дуӡӡак иҭакӡамкәа адәы ишықәу
иахнагаргьы, ишгылоу ицәоит акәымзар, ааԥынрак
ааины адгьыл аԥхарра аҵалаанӡа иқәтәаӡом. Ари,
хымԥада, аира иахыԥсаазар ҟалап, акәымзар макьана адгьыл хьшәашәоуп, аҳаскьынҵәҟьагьы ахьҭа
иацәшәаны ана-ара ада рхы ыҵдмырҳәҳәацызт.
Уажәааны абас зыҽказыжьыз аҽы еибгамзар ҟалап,
аҽҵыс хәыҷы аныда иаанхазар ирыцҳахеит. Снадгылан саахәаԥшыр изтәу дсымдырыр ҟалашам,
адырра исҭоит ҳәа саназааигәаха иааҳәыцымыцын,
ахы арҵысит, сыԥсы шҭоу исырдыруеит ҳәа
санаҳәозшәа. Аҽы, аԥсы шҭаз анызба сгәы ҭынчхан,
сышьҭахьҟа схынҳәын, снеины скәахьча ахьышьҭаз
снатәеит.
Игылар изтәу дышԥасзымдырри ҳәа уажәы-уажәы
ашҟа сыԥшуан, еихон-еигәон, аха изгыломызт. Иқь­
уан иааҟәымҵӡакәа, иаауцәымыӷхаратәы аҟынӡа

иагын, ажьы ақәӡамызшәа, ацәеи абаҩи еикәыршан,
алақәа ахьҭоу умбо аҟынӡа алакҭақәа ҭашәашәан.
Асҵәҟьа изгыз аҽы уи аҽнынӡа исымбаӡацызт.
Агәра згеит ари аҽы ҳҳабла иша-тәымыз. Иԥсуа акоуп, аха аҽҵыс хәыҷы иаԥсыхәоузеи ҳәа, сыџьмақәа
схибаҳәа
ианца
ашьҭахьгьы
ирыцҳашьаны
сазыԥшуан, иааныжьны ацара сгәы иауамызт.
Аҽҵыс акрыфара ишаргәаҟуаз ҩашьомызт, ан
иакәшон, иавагьежьуан, акыкмацәақәа аԥшаауан,
аха иахьыҟаз иақәшәомызт. Ангьы гәаҟуан – сыхшара акраҿасҵоит ҳәа ашьапқәа рҟьара иалаган, игылон иаҵанаҵарц, аха иалшомызт, инықәтәо аҟынӡа
инеиуан, аха ихышәҭуан. Ари гылашьа амаӡам, иԥсуа
акоуп, аҽҵыс еиқәырхатәуп. Скәахьча иаалаҳәаны
изгап ҳәа сгәы ианынҭаскуаз аамҭазы, акәараҷҷа
нырцәынтәи афасара иаалҩит ҽык акьыркьырыбжьы. Аԥсра зҽаҭан ишьҭаз акьыркьырбжьы анаҳа,
ақьышә ыҵарсны аарлаҳәа ахы иҩахан абжьы ахьгоз
ахь алақәа кыдхалан аԥшра иалагеит. Еиҭа абжьы
аҳарц шаҭахыз ҩашьомызт, аԥшышьа злаҟаз ала.
Знык ада абжьы анамаҳа, адгьыл ахы нықәнаҵан,
излалшоз ала аҽааиԥсхнарчын, иқәырқәырит.
Уиакәхеит, уааи усыцхраа ҳәа азҿнаҭызшәа афасара иаалҟьан, икьыркьыруа иааины иаахагылт. Аԥсра
иаҿыз аҽы аҽеиқәа анаба игыларц иалагеит.
Аԥхьатәи ашьапқәа анаҵанаргылалак ашьҭахьтәи
ашьапқәа аҵҟьан икаҳауан. Акыраамҭа амч хәыҷы
иазынханы иамаз еизнагон. Аҵыхәтәан, егьа џьабаа
ахы ианарбазаргьы, аԥшьшьапык ирықәгылт аар­
лаҳәа. Аҽеиқәагьы иаргьы рқьышәқәа еидкыланы акы еибыр­ҳәозшәа еиҿақәырқәруан. Аҽҵыс
ан ашьапы иқәгыланы ианаба иаҵаланы иԥшаауа
акыкмацәқәа ахьамаз иақәшәан, иахан ацәара иалагеит. Аха иажәшаз ахш ҳәа егьамоузар акәхап,
иаақәгьежьаан, аҽеиқәа иаҵаларц иалагеит. Аха

инанамышьҭит ашҟа. Еиҭа ан ашҟа ихынҳәит. Инеины ҩаԥхьа акыкмацә ахара иалагеит. Ан агылара
азымчҳазар акәхап, акаҳара ианалага аҽеиқәа ахы
наган ахәда иаҵанаҵеит, икамыжькәа иааныскылоит ҳәа иалагазшәа.
Акыраамҭа аҽҵыс ан аҽеиқәа ахәда ахы ахшьны иакын. Аҽҵыс ааҟәымҵӡакәа акыкмацә ахара
иаҿын, аҟы­рҟы зларбааӡашаз аҟара амоукәа иҟам,
аҵыхәа хәыҷгьы арҵысра иалагеит. Излалшоз ала
акыкмацәқәа кны иахон, аха иҭацәыз ацәымҳеиԥш
ҿамҩак амоуа ианалага акәхап, аԥхьатәи ашьапқәа
рахь ииасын, ахы рыбжьакны акыраамҭа иԥшаауан,
иҟалап ашьҭахь еиԥш аԥхьагьы, акыкмацәқәа амаз
џьнашьозҭгьы.
Урыцҳасшьоит, узхара уҿасҵо сахьыҟам ҳәа ана­
ҳәарц аҭахызшәа иааӷызыӷызит. Ашьапқәа аҵам­
гыло иаагыргырын, ибӷаӷо ихышәҭны икаҳаит.
Ианкаҳа ашьҭахь ԥыҭраамҭак аҽаҟьон сгылоит ҳәа,
иԥарххон, ишьарххон. Ишзымгылоз анаба акәхап
ахы акыдҟьара иалагеит. Аха знык-ҩынтә рыда
иалымшеит. Ахгьы шьҭанаҵеит, ашьапқәагьы
еиҵнахит. Иҭынчхеит. Аҽҵыс хәыҷы, сан гылан акранбасҿанаҵои ҳәа, игыргыруа иахагылан
иахәаԥшуан.
Аҽеиқәа, аҽҵыс ан каҳаанӡа иааныжьны, акәара­
ҷҷа ирхьан. Ианкаҳауаз аӷызбжьы игаз аҳаз­шәа
ихынҳәын, иааины иаахагылт. Ҿыки бзыки ирыз­
ҳәом аҽеиқәа иҟанаҵоз. Зны ахахьы инеиуан, нас
ашьҭахьҟа ииасуан. Иакәшон, аҭхырр- аҭхырр ахгон. Аҽеиқәа анааи аҽҵыс ан ааныжьны аҽеиқәа
иашьҭалеит. Ан акәызшәа саҵалоит ҳәа иалагеит, зныкгьы иалагахьан, усҟан иаршәеит, ааигәа
инанамышьҭит. Уажәыгьы иаҵанамҵеит, аха
ԥасеиԥш иԥханамҵеит. Ицо ианалага иааныжьны имцеит. Иааҭгыло иахьнарԥшуа иалагеит, аха

иабанӡагари. Џьара иӡуазар акәхап ҳәа ирыцҳашьаны
сыҟан. Даҭа, аиаша уасҳәап, сара санхәыҷыз аахыс
арахә срылоуп. Ауаа реиԥшҵәҟьа ауп урҭ ртәгьы шыздыруа. Аха уи аҽны аҽеиқәа иҟанаҵоз еиԥш сымбацызт. Аҽҵыс ан шыԥсуаз «аҳаны»иаазшәоуп, акәара
нырцәынтәи абжьы рго, ашақә иасуа, аԥхӡы ахьшы,
еиҵыхны ишьҭаз аҽан ишаахаххыз. Ауаҩы изааигәоу
иԥсы ихихуа даналагалак дихагьежьуа дшалаго
еиԥш ауп, аҽеиқәагьы аԥсра иаҿыз ишавагьежьуаз,
реизыҟазаашьа шызбаз ала, аҽеиқәа аԥа акәызҭгьы
ҟалоит уи ҿыц иины адәы иқәлаз аҽҵыс хәыҷы.
Анцәа иныс аҽы ауаҩы иҟәышра шамоу. Уара
уҟынӡа иаанагаанӡа заҟаҩы ирывсыда. Џьаргьы
иаанамыжьӡеит, ибзианы инаҟәызгаша, изааӡаша
аӡә шуакәу дырны иааганы иузаннажьызшәа ауп
ишысыԥхьаӡо. Алаԥшцәгьа аҟәгазааит, арашь
цыԥҵәаха еиԥшуп. Хырҳагас анцәа иуиҭааит.
...Абырг аҽҵыс атәы аҳәара данналагоз аамҭазы
Сафарбеии Алиаси ашкол ахьтәи раара ақәшәан,
иҳәаны далгаанӡа игылан изыӡырҩуан. Сафарбеи
иҽҵыс заҟа бзиа ибоз аҵкысгьы еиҳаны ибо далагеит иахнагахьаз зегьы абырг иҟынтәи ианиаҳа
ашьҭахь.
Алиас абарҭқәа зегьы игәаланаршәеит аԥшаҳәа­
хьынтәи иаҳаз аҽы кьыркьырыбжьы. – Ҟәараса аб­
жьы акәызшәа саҳаит. Исымбеижьҭеи иҵӡозеи.
Из­барц шԥас­ҭахыз... Уара лассы-лассы иузаалозар
акә­хап, – Сафарбеи диацәажәошәа иаԥхьа игылаз аҟәардә днықәтәеит, убри аамҭазы димбаӡакәа
Даҭа дааихагылт. Алиас ашырҳәа дҩагылт, аны­
шәынҭра аҩнуҵҟа аԥсуа ҵасла агәыдибакылара
шыҟамлоз идыруан, иаб иеиԥш дыԥхьаӡаны ихы
наган игәы инадиҵеит. Даҭа иҷкәын Сафарбеи
иԥсы ҭаланы дизаазшәа аҟынӡа игәы ааӡан, Алиас
дааигәыдиҳәҳәалеит.

Алиас Даҭа игәы злааникылаша ажәақәа иҿашәо­
мызт. Илаӷырӡқәа изынкыломызт.
– Иаха ахәылбыҽха исаҳаит ушааз. Даара исҭа­
ххеит снеирц, аха ианылашьцалак аныҟәара сцәы­
уа­даҩуп (Уи азы акәӡам дзаангылаз. Сара сеиқә­
гәырҩаха снеир ргәалаҟара бжьысхуеит ҳәа азы
ауп)…
– Ашьыжьымҭан сгылан сцеит, аха аҩны ушыҟаз
сухьымӡеит. Уара ушҟа дцеит шаанӡа дгыланы ҳәа
сеиҳәеит Чанҭа. Арахь схынҳәны сҿаасхеит. Аҩныҟа
сымнеиӡеит, сара издыруан аԥхьа арахь, уашьа
инышәынҭрахь, ушааиуаз. Амыцхә умгәырҩан.
Иҟалаз ҟалеит. Сара уаара сазыԥшын, анцәа
сиҳәон сыԥсы шҭоу уеибганы усирбарц. Аҳәара
иҟасҵоз анцәа иҟынӡа инаӡазаап. Аӡәы иҿы иамуит, аха егьи иҿы срыцҳаишьазар акәхап. Уеибганы усызирхынҳәит. Шьҭа сыԥсрыгьы моу сымам.
Сыҷкәын иҭыԥаҿы унагыланы сзырҽеиуа уоуп. Уаала, аҩныҟа ҳнашьҭы, араҟа агылара азхоуп. Иԥсы уабеит. Иага «дуеигәырӷьеит». Ҧсык еицышәхамзи...
– Абас ааиҳәан, имахәар кны анышәынҭра
ианааҭыҵуаз, ҽык нахьхьи анаӡараҿы иаацәырҵын,
ахы рықәкны рышҟа аҿаанахеит. Аԥхьа избаз Алиас
иоуп, ахы аҷашьара илаԥш ақәшәеит.
– Ҟәараса ауп иаауа, – иҳәеит деигәырӷьаны.
Аҩыџьагьы рылаԥш адхаланы иазыԥшуа игылан,
рыҽмырҵысӡакәа.
– Мап, уи Ҟәараса акәӡам, арантәи цқьа ишысымбогьы, иара шакәым сдыруеит... Заҟа исҭаху удыруама, избарц.
Аӡы иԥсыбаҩ амыхны ианааргаз иаргьы
ашьҭалан иааит. Ауха шаанӡа ашҭа иҭагьежьуа иҭан.
Сара усҟан уи збо сыҟамызт. Ашьҭахь исарҳәеит
иҟанаҵаз, шьамханынӡа аҳаскьын ҿа илагылан,
аха зынӡаҵәыкгьы аҿы нышьҭышьны, ҳаскьынк

аҿы иҭанамҵеит. Ауаҩ иеиԥш иџьабозшәа, ахы
ақәыжьны иакын, знык-ҩынтә иаабеит амардуан
аҟынӡа иааины аԥсы дахьыкҿазахь иҩналарц аҭахы­
зшәа, аԥхьатәи ашьапқәа амардуан ишаҿанаргылоз.
Ауаҩы
игәакьа
даницәыӡуа
еиԥш
акәын
ахымҩаԥгашьа шыҟаз.
Иумаҳацкәа иҟаларым, аӡы дахьамаз Ҟәараса ауп
изы­ԥшааз. Иара акәмызҭгьы зынӡа дҳамбаӡаргьы
ҟалон. Ҳҳаблаҿы иахьагьы ирхамышҭыц, иааиқәшәа­
цыԥхьаӡа Ҟәараса иҟанаҵоз иалацәажәоит, џьашьа­
тәыс ирымоуп.
Ауха ашҭа иааҭымҵӡакәа иҭан, ашьжьымҭан ицеит. Данаажуаз аҽнынӡа ахабар ыҟамызт. Дышьҭыхны
анышәынҭраҿы ҳаннеи, ԥыҭк ааҵхьан еиԥш, иаргьы
аакылсит имидагәидаха. Ааигәа имнеикәа, инахараны игылан иԥшуан, ахы акәаҽны.
– Шәыԥшырауазеи, шәанаџьалбеит, иҽы иҟанаҵо
шәымбаӡои, ишьҭаланы иааит, – иҳәан аӡәы,
аԥсыжцәа зегьы аахьаҳәын азыԥшра иалагеит,
иџьашьаны.
Анышәынҭра ааигәанӡаҵәҟьа имааикәа ҵлак
аҵаҟа иаҵагылан анышәынҭрахь иԥшуан, иаарыц­
ҳаушьаратәы аҟынӡа ахы ақәыжьны, алақәа хҩо, ихтуа, алымҳацәқәа ақәԥсаны. Зегьы уамашәа ибаны
азыԥшра ианалага ашьшьы­ҳәа иаахьаҳәын, ицеит.
Сыбжа аасымхны иаман ицазшәа ауха шаанӡа
иҽгьы иаргьы срызхәыцуан. Иаакылсны даман ицаз­
шәа сгәы ҟалеит.
Адырҩаҽны ҷкәынцәақәак ашьҭасҵап ҳәа сгәы
ишҭаз ахала иааит. Агәашә ишаадгылаз еиԥш иазаасыртит, ашҭа иҭалеит. Дақәтәан даазшәа сгәырҩа
насхыԥсааит. Минуҭк иадамхаргьы, ауаҩы агәырҩа
ӷәӷәа анимоу ихыԥсаар зыԥсоузеи. Ахәда снапқәа
акәыршаны ахы аасгәыдсыҳәҳәалт. Акыраамҭа ахы
сыдҵан иакын. Нас иаасыдҵын, аҩны ашьҭахьҟьа

ицеит. Ашҭа ахи аҵыхәеи еимнадеит. Цәыӡк аманы иԥшаауазшәа акәын уажәы-уажәы иаангыланы
ишынаԥшааԥшуаз. Аҵыхәтәан, иаақәгьежьаан, ашҭа
аҵыхәан иҟаз аӡыхтарҭаҿы ихықәгыланы иҭаԥшуан.
Уаҟа инаган акәын аӡы ҭтаны иахьаиржәуаз...
иажәырц аҭахызшәа ақьышә нӡаанакылеит, аха
имжәӡакәа иахыҵит. Абарҭқәа зегь рышьҭахь
ашьшьыҳәа ашҭа инҭыҵны ицеит.
Уиаахыс, шамахамзар, иааӡом. Лассы ианысымбалак ихьаазгоит.
Цәгьала игәнызгоит, избозар ҳәа сашьҭоуп,
ааигәа-сигәа џьаргьы иҟам. Ахара сара сызцом,
сшьамхқәа мыжда ируам.
– Уи шьҭа шәара хьаас иҟашәымҵан.
Иахьыҟазаалакгьы сара иԥшааны ишәзаазгоит.
Даҭа игәы ԥхарра хәыҷык ҭалеит Алиас абас
аниҳәа.
– Уаала, дад, шьҭа аҩнынӡа ҳнеип. Уццакуазаргьы ҟалап, уани уаби цқьа урымбац, уааныскылаӡом,
аҩны уныҩнаԥшны уца, акрыҟаӡазар иԥсы иабоит. Ҳабацәа, ҳабдуцәа ус ҳарҳәон. Аԥсы иԥсы
акыраамҭаӡа аҩны иҩнахоит ҳәа. Ак ахьырҳәо акы
ыҟазар акәхап. Уаала, дад, иара дуԥылом, аха издыруада иԥсы уеигәырӷьаны иуԥылар.
Алиас аб ииҳәаз ажәак ахымҳәаакәа диццеит.
Ашҭа дазааигәахо даналага, Сафарбеии иареи
анхәыҷқәаз хәмарырҭас ирымаз, ампыл иахьасуаз,
аҵәыргыла иахьахыԥоз, ашҭа ацәа ахышәхит ҳәа
Даҭа дыхәмаруа ианреиҳәоз игәалашәеит. Усҟан
заҟа иԥшӡаз, ашҭа шьац цқьамзар ҳаскьынбашак
ахы ааҵыҳәҳәар Сафарбеи иан илуӡомызт. Ишырҳәо
еиԥш, ухәы нықәҵаны акруфаратәы аҟынӡа ицқьан.
Уажәы урҭқәа зегьы ацәыӡхьан, абабира ахыҵәахьан.
Даҭа дызланыҟәоз амҩа па заҵәык акәын иубоз.
Ашҭа иакәыршаз аанда хыркы акаԥсара иалага-

хьан. Џьара-џьара зынӡа икәадахахьаз аԥацхьқәа
адҵан иҟан, арахә ҭамларц азы. Аҩны аҩнуҵҟагьы
иибахьаз абаҟаз, аҭӡамцқәа, ахыб ақәа ахькылсуаз
акәхап, бжаџьара ақьаадқәа кыдыжәжәаны ицахьан.
Ажәакала, Даҭа дышмчыдахаз, агәырҩа ихы шеиҭаз
иахьабалак ианыԥшуан.
Алиас иибақәаз игәы идырхьын, ихы ларҟәны,
ииҳәо иҿа­мшәо дгылан.
– Утәа, дад, маҷӡак уаатәа, шәыхьӡ ала ҳаԥшьак
ыҵасҵан, ихыстуеит. Ҵәыцак иадамхаргьы иааным­
кылакәа усзышьҭуам, – иҳәеит.
Алиас дтәаанӡа, ҳан дабаҟоу ҳәа дҵааит (Сафабеи
иан лзы).
– Уи илыбаргәузеи, ажәбатәи амш, аишәа аргылара
аҽны, ашьыжьымҭан агәылацәа аанӡа (ус илҭаххеит),
лыҷкәын ихәы ҟаҵаны илыман иара иахь дцеит. Ихәы иханы иқәыргыланы, ацәашьы алыркын,
иблаанӡа дадтәалан. Ашьҭахь, дҩагылан лҿанаалха,
анышәынҭра дахьынҭыҵыз дшьацәхныслан да­
хьынка­ҳаз, луаҭәа ахьынҿакыз ихжәеит. Цәгьаԥ­
сышьала агәылаҳәсақәеи сареи (ахацәа мааицызт)
дышьҭыхны даагеит. Агәаҟра даҿын, аха знык­гьы
лыбжьы ҭганы исыхьуеит лымҳәеит. Ичит, қыдуа­
хәак иаҟарахеит. Ахәшәтәырҭахь дгамзар илзыхгом рҳәеит, аха гашьас илымааз, ахәцәа иааргаз
убасҟаҩык ыҟан ахәшәтәырҭаҿы (Тҟәарчалҟа ргара
иахәомызт, сакасала иргон, машьынақәак аанханы
измақәаз ыҟан, абылтәы аиуа зеиуоу аӡәгьы имамызт).
Ахәшәтәырҭахь дгатәуп ҳәа шырҳәоз анлаҳалак
аҳә­ҳәара далагон, аҩны саадәылган сшәыманы
шәдәықә­лар сҽысшьуеит ҳәа.
Ҩымчыбжьа
лыԥсы
ҭан.
Ахьаа
убасҟак
дшаргәаҟуазгьы зныкгьы лқьыбжьы лмыргеит, ак
сыхьуеит ҳәа мҳәаӡакәа лыԥсы лхыҵит. Уи аразҟы

лыман. Лыҷкәын иахь дцеит, еицыҟоуп. Сара соуп
агәы мыжда иқәхаз. Уи сҳәеит ҳәа уара уеибганы
ухынҳәит, шьҭа исыхьлакгьы сыхьааит, унасхагыланы сышурҽеиуа здыруеит, Сафарбеи уакәу­шәаҵәҟьа.
...Сафарбеии иареи рыхьӡала иҭеиҭәахьаз аҩы
аҳа­ԥшьа иааҭганы ҵәыцак аанимкылакәа ди­мы­
шьҭит.
Алиас иҩныҟа амҩа дахьынӡақәыз игәы иҵхо
иҭаз Даҭа иакәын. Дызлаԥшқәаз зегьы рышьҭахь
дрыцҳашьаны,
сызлаихәарызеи,
сызлаицхраарызеи, изыҟасҵараны сыҟоузеи ҳәа ада аҽа
хәыцырҭак имаӡамызт. Чанҭа ииҳәақәоз зегьы ирыликаауан Ҟәараса ааигәа исымбац ҳәа агәала имаз.
Иахьыҟазаалакгьы иԥшааны изаазгоит ҳәа игәы
иҭеикит.
– Абасҟак аамҭа ахабар анумба, издыруада аӡәы
идкыланы имазар?
– Аиаша сызуаҳәом, Алиас, зны-зынла саргьы уи
еиԥш агәаанагара соуеит.
– Аӡәыр гәҩарас думоума?
– Зны аԥрыцә ԥаны иааит. Уамашәа избеит.
Алиас, уара иумдыруеи аҟазшьа ҷыда иамоу. Иара
иаамҷыдрахаз ааигәа уаҩԥсыжәла днанашьҭуамызт.
Зегь ракәым, уареи сареигьы зны-зынла ааигәа ҳнеир
ауамызт, ҳнапы иашьцылан ишыҟазгьы. Знызаҵәык
иаасыдгылан, ахы сыднаҵеит, ишуасҳәахьаз еиԥш.
Уи аԥсыжра ашьҭахь акәын. Уи аԥрыцә ҿыц ԥаразма,
акәымзар акры ахыҵуазма? Аибашьра аԥхьа аԥрыцә
иԥахьан, усҟантәи акәзар?
Мап, усҟантәи акәӡам, уи ԥытлахьан. Аибашьра ашьҭахь ауп ианызбаз. Зынӡа ҿыц ԥаран. Аҽы
аԥырцәқәа аҽа хәыцрак изцәырнагеит Алиас.
Ақырҭцәа Аԥсны иақәларц аҽазыҟаҵара ианаҿыз
аамҭазы акәын. Дара рҳәашьа, Митингоба ҟарҵон.
Қалақьцыԥхьаӡа ргәабанақьқәа рыҵаҵаны, ҵаҟа

иианы Аԥсны аԥсуаа ықәаҳцаанӡа ҳгылом, амла
ҳҽаҳаргоит ҳәа шьыжьымҭан инаркны хәлаанӡа
иҳәҳәон, иҟаауан, ианаалашьцалак маӡала акрыфара, акрыжәра иалагон. Ачашә уҭахума, аҳәаҵарақәа
уҭахума, абысҭа уны иуҭахума, акада егьыззымдыруаз ираадыргон, апатриотцәа рхәы ҳәа.
Ҵхыбжьонынӡа ирҳаҳауан, арыжәтә меигӡарахда
ирырҭон. Ҵхыбжьон нахыс рыбжьы агара иаҟәыҵуан.
Ҳәсагьы хацәагьы рҽеилажьны ицәан. Арахә реиԥш
рыҵа ҟьашьны иҩагылон. Ус заҟантә амитингоба ҟарҵахьаз, аха акада егьззымдырқәозгьы ргәы
ԥҵәаны рхәы рызнагара ианаҟәыҵлак, еимпны
ицон. Ас заҟантә иҟарҵахьаз. Уажәыгьы ус акәхоит
ҳәа акәын бжеиҳараҩык ргәы ишаанагоз.
Аха ԥасатәиқәа раан еиԥш акәӡамкәа, уажәык
зынӡа иаапкны иҟан. Сафарбеи Аҟәа дыҟан, аҭа­
гылазаашьа еилкааны данаа, адырҩаҽны гәыԥҩык
Аҟәарашаа рыҷкәынцәа еизганы иреиҳәеит уахьын­
тәи иааигаз ажәабжь. Ақырҭцәа аҽаамҭанык еиԥш
акәӡамкәа, Аԥсны иақәларц аҽазыҟаҵара ишаҿу.
Анцәа иумҳәан, аха уи еиԥш аныҟала ҳазегьы
ҳаидгылароуп. Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы, иҳәеит. Даргьы шыхиаз рҳәеит, уиалагьы ҳаилгеит.
Аҽны даара ашоура ӷәӷәа ыҟан. Ахәылбыҽха
ҽыкәабара аӡахьы ҳцоит ҳәа еибыҳәан ианыҟаз аамҭа
дагхан дааит Сафарбеи (ҽыкәабара иҽы имамкәа
дцаӡомызт). Гәалак имазаргьы инирԥшӡомызт,
есқьынгьы ихиҿы ихаччо акәын дшыҟаз, аха уи
аҽны еиԥш Сафарбеи иҿы ихалашо Алиас димбацызт, ажәҩан ахь дзыԥыруамызт, уаҳа егьигмызт.
Гәырӷьарак дышьҭыхны даман.
– Сафарбеи, абасҟак узыргәырӷьо иумоузеи?
Исоуҳәар саргьы сымгәырӷьари, – иҳәеит Алиас. Сафарбеи дахь­гәырӷьоз иаргьы игәы иахәаны.
– Макьана иуасҳәаӡом.

– Ианбасоуҳәои?
– Аамҭа анааилак.
– Уара, ахәмарра уаҟәыҵны иҟоу саҳәи!
– Иҟоу Ҟәараса уазҵаар иуанаҳәоит.
– Ацәажәара адыруама? Уи акәын иаумырҵацыз.
– Иуҳәо саҳауеит, аха Ҟәараса уахьахәаԥшуа акгьы адумбалаӡои?
Усҟан ауп ианызбаз, аԥрыцәқәа шԥаз.
– Заҟа ианаалозеи? Заҟа иԥшӡаны иԥоузеи?
Изԥада?
– Уара утәала, изԥарыдаз?
– Ахаҵа напы ишамԥаз здыруеит.
– Араҟа уара уиашоуп. Уи зԥаз анацәкьара
ԥшӡақәа сгәаҵа иҭалан, сырԥеиԥеиуа сҟарҵеит.
– Дызусҭада, смыргәаҟкәа исаҳә, уара, сара са­
кәызҭ­гьы иуцәызӡарызу? – Алиас ҽыргәаа ҟаҵаны
иҭаххеит зыбзиабара деимҵарсны дызго дызусҭоу
иеиҳәарц.
– Умыццакын. Макьана дызусҭоу сызуаҳәом.
Сара исымҳәаӡаргьы, Ҟәараса иуанаҳәоит. – Абас
еизыгәдуны, еихәмарны, еилафны еидыҵит уи
аҽны.
Уи ашьҭахь Ҟәараса аԥрыцә уаҳа иалацәажәо
изыҟам­леит. Аибашьра иалагеит. Дара реиԥш,
Ҟәарасагьы аибашьра иалагылан, аԥрыцә напыдаха
ибӷьаауа иԥыт­ланы.
Алиас абри ахҭыс дшазхәыцуаз иҩны ашҭа
дынҭалт. Дшааз заҳаны иеизаз даарылагылт.
Чанҭа иҷкәын иаара деигәырӷьаны ачара ҳзиуазар
акәхап ҳәа, гәырҩа змаӡамыз гәылацәақәак,
рҽазыҟаҵаны иԥшын. Аха Чанҭа ус ҟаимҵеит.
Зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аҷкәынцәа,
аӡӷабцәа ршьа макьана адгьыл иқәымбаӡац. Сара
сыҷкәын деибганы дхынҳәит ҳәа, инеиҵыхны ачара
изура анцәагьы исанаишьом. Иара ихаҭагьы иура-

ны дыҟаӡам ҳәа дазхәыцны, инеиҵыхны акәымкәа,
иааркьаҿӡаны иҟаиҵеит.
Уи иаҵанакуаз еилызкааз зегьы ҳаҭыр ақәырҵеит.
Иззеилымкааз ирылухузеи ҳәа Ҟанчобеи Чанҭа дааидгыланы иеиҳәеит. Сеигӡаны иҟасымҵаз џьыршьоит
ҳәа, игәи-игәи еилаԥшуа дгылоушәа аниба.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 10
  • Büleklär
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2258
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2211
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3396
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2150
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3393
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2146
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3424
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2220
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3432
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2197
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3466
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2268
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3494
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2187
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2175
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3501
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3417
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3427
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2226
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3430
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2159
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3433
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2201
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3359
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2111
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3359
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2142
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 162
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 152
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.