LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 08
Süzlärneñ gomumi sanı 3466
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2268
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
дцон. Ахәшәтәырҭахь аԥсуа ҽыхәышәтәра днеир
ҟалаӡомызт.
Анаԥшцәа, шәара шәуааӡам ҳәа рзырымҳәарацы,
аиҳабыра ақәҵара рыдыркылт, аԥсуаа аус ҳацызурц
зҭаху усбарҭацыԥхьаӡа аусура рыҭатәуп ҳәа.
Аӡәымзар-аӡәы аԥсыуак амаҵура даламгеит. Маӡа-аргама Аҟәа иалҵны ицон. Ақырҭцәа,
ашьажәцәа рнапаҵаҟа аусура иалагар аҵкыс иршьыр еиӷьаршьон.
Аҟәа иалахан иҟаз аԥсуаа зҭаргылан ирымаз
Аԥсны ахи аҵыхәеи зегьы ирдыруан. Уаҟа ҭынхак
дызмамыз дыҟамызт. Ихьааганы ирыман. Еибганы
ирбозу ирымбозу рыздырамызт.
...Сыҷкәын дрымшьыкәа дрылҵны данбааришь
ҳәа Иасонгьы дизгәаҟуа дизыԥшын. Мчыбжьык ахи
аҵыхәеи ала аоккупантцәа ирымпыҵыҵны аӡәыкҩыџьак анымаауаз ыҟамызт.
Аӡәы дааит ҳәа иаҳацыԥхьаӡа, дцаны диазҵаауан
Бача дубазар ҳәа. «Иҳаздырам»ҳәа акәын зегь ирҳәоз.
Аамҭа цацыԥхьаӡа Иасон иҷкәын ихабар
ахьимаҳауаз еиҳа-еиҳа иқәыӷәӷәо далагон. Дахьцара
издырамызт. Зны-зынла, уаха шаанӡа дмыцәаӡакәа,
дизхәыцуа дшыҩназ иршон. Иан, лыҷкәын иахь
дцаны дыҟан. «Сыҷкәын дҭакны дыргәаҟуа дрымазар? Иан, даазгоит ҳәа дахьнеиз ларгьы дааныркылазар? Аҩыџьагьы ршьызар?»Абарҭ реиԥш иҟаз
ахәыцра хьамҭақәа изцәырҵуа даналагалак, аҩны
ихы изыҩнамкыкәа, амедпункт ахь дцон. Уаҟа
ақыҭауаа уахгьы-ҽынгьы иадеизалан иахьгылаз
Иасон иҷкәын иакәым, дара рхы ргәалашәомызт
зыҷкәынцәа ажәыларахь ицан иҟаз ихәны иааргозу
ишьны ирзааргозу рыздыруамызт. Рқәыԥсычҳабжь
ада ажәак рыҿшәаны иуаҳауамызт. Иасонгьы днеины днарыдгылон. Ҧаса данаалоз иазҵаалон,
Бача данбаауеи ҳәа икәшаны иаагылон. Аха шьҭа
иагьиазҵаауамызт,
иааигәагьы
инеиуамызт,
дрымбаӡазшәа ҟаҵаны ивсуа иалагеит. Уик зынӡа
деиланагеит. «Арҭ ак раҳаны иҟоуп... исцәырӡарц
иаҿуп». Сыҷкәын деибгам хымԥада. Уи азоуп данбаауеи ҳәа изсазымҵаауа. Амца икызшәа абылра далагон. Уахьынтәи аштаб ахь днеиуан акыр
саҳауазар ҳәа. Аха дахьнеиуазгьы Бача иӡбахә аӡә
далацәажәо иаҳауамызт. Абжьааԥны даннеилоз,
Бача ашкол ицалгақәаз, абык иеиԥш дыԥхьаӡаны
аԥсшәа иарҳәон, ҳҩыза ҳаизыԥшуп, «иаҳәызба»хны
даҳзаауеит рҳәон ихәмаруа. Уажәшьҭа урҭгьы
ԥасеиԥш акәӡамкәа, ихьшәашәа-хьшәашәаӡа акәын
аԥсшәа шиарҳәоз. Урҭ ахарантәиқәа ракәым, дызланхоз аҳаблагьы шицәтәымуаахаз ибон. Игәылара
аԥсра аныҟалаз аҽны акыр зықәрахь инеихьаз, акыр
шықәсагьы инеиԥынкылан ақыҭа хадара азызуаз
иааиқәшәан дыԥсит.
Ԥсрак ааҟалацыԥхьаӡа аԥсы данахыргоз идырцәа
жәоз Иасон иакәын. Аԥсра иақәшәаз игәырҩа хызҽуаз
ажәа иҿан. Аха уи аҽны аԥсы уихцәажәа ҳәа аӡәгьы
иеимҳәеит. Уи акәым, аԥсыжра ашьҭахь, уԥсаҭа
бзиахааит ҳәа ҵәыцак аанкыланы иахьхырҭәалоз
ашҟагьы уааи ҳәа иарымҳәеит. Уиак зынӡа деивнагеит. Агәра игеит уамак ихьны дшыҟоу, аха
игәаӷьны ишиарымҳәо. Аԥсраҟынтәи дшаақәҵыз
еиԥш иҩны дымнеиӡакәа, Аҟәаҟа амҩа дықәлеит.
Уи аԥхьаҟагьы иақәикхьан, аха цашьас иумоузеи
Кәыдры уаныр нахыс дара роуп игылоу, ушаԥсыуоу
ааилыркаар иноугәыдҵаны ушьны укарыжьуеит ҳәа
агәра ирганы дааныркылон. Уажәыҵәҟьа уи аӡәы
дизыӡырыҩуа, аӡәы дааникыло ҳәа дыҟамызт, сыршьуазаргьы сыршьааит, сыҷкәын дахьыҟоу еилысымкаар зуам ҳәа кыр днеихьан еиԥш, ижәлантәык
диԥылан, ахәлара иаҿуп, уҩны уаҩысны, уеиханы
уабацои ҳәа дизҵааит.
– Схынҳәаанӡа аҩны усзахылаԥшла, Аҟәанӡа сымцар ҟалом. Схы ақәҵатәыс исауазаргьы, сыҷкәын
деибгоу деибгаму еилыскаароуп.
– Ухынҳәы Иасон, ухы зқәуҵо аҷкәын уара анцәа
дуимҭеит.
– Ишԥа уара? Ухы зқәуҵо аҷкәын уара анцәа
дуимҭеит ҳәа исоуҳәаз иаанагозеи? Умцахә ыцәеит
ҳәа соуҳәарц уҭахума? – Иасон ишьапқәа иҵыԥсааз
шәа дзеиҭамҵуа даанхеит.
– Иухьны иҟоу уаҳәара аӡәгьы иҭахымхеит. Уареи
сареи ҳшеишьцәоугьы иахьа уажәраанӡа игәаӷьны
исызуаҳәомызт, аҽаӡәы иҿала иуаҳауазар ҳәа сыԥ
шын.
– Шәанаџьалбеит, шәызегьы шәнеивыс-ааивыс
уа акәымкәа, исзыҟалаз аахҵәаны исаҳәа. Исарҳәа
рызеишь ҳәа агәырҩа саганы аԥсра сахьаҿу
шәымбаӡои? Сшәырҳәҳәома? Шәуааӡами, уара? –
деиҟәжәаны дцарашәа ибжьы духеит.
– Ахәылбыҽха снеины унартәаны иуасҳәап ҳәа
ақәкны исыман. Ара амҩаду ҳангыланы уи ҳзала
цәажәом. Ухынҳәы, аҩныҟа ҳцап.
Иасон ижәлантә иеиҳәаз уаҳа ажәак ахымҳәааӡакәа
ишьҭахьҟа даахынҳәит. Дызҵымҵуа ахаҳә ихәда
иқәҵаны игозшәа акәын ишьаҿақәа шеихигоз.
Уажәы-уажәы ишьамхы иҵаҟәалон.
– Смыргәаҟкәа исаҳәа исыхьны иҟоу, – иҳәеит
иҩны ашә аартны ишыныҩналаз еиԥш, астол аханы
игылаз аҟәардә (ада аҽа ҟәардәык иқәымтәоз) аҟынӡа
днаӡаанӡа, иҽизнымкылакәа, иааимԥыхьашәаз
ҟәардәык агәараҳәа днықәҳаит.
Иасон, уареи сареи шьак, дак ҳалҵит. Ҳацәгьеи
ҳабзиеи акоуп, еилых ҳамам. Ҳахьӡи ҳахьымӡӷи
акоуп.
Иабанӡаҳҵәахри,
иабанӡауаҳамҳәари,
уҷкәын, ахаан иаҳхымҵуа ахьымӡӷ ҳхиҵеит.
Ауаа рҿы ҿыӷәӷәала ҳзымцәажәо, ҳабӷа ԥиҵәеит.
Аус ахьиуаз ахәшәтәырҭаҿы даанхеит, ақырҭцәа
рнапаҵаҟа аус иуеит. Ҳаӷацәа ихәны инарго иара
иоуп изхәышәтәуа. Ршьапы иқәыргыланы, еиҭах
ҳабашьра ицо иҟаиҵоит.
– Агәра сызгом, абасҵәҟьа ҟаиҵоу сара сыҷкәын. –
Ашырҳәа даагылан, дзықәтәаз аҟәардә аашьҭԥааны
иахьықәикшаз, аҵәаҟьа иалхызшәа, иԥыххааа ицеит.
Аибашьраан иҟоу аҵкыс иҟам анырҳәо еиҳауп.
– Изҳәада? Избада? – Иасон дзымтәо, дзымгыло,
дыҩнагьежьуа дыҩналеит.
– Хаџьиԥа Кәана думдыруеи?
– Дышԥасзымдыруеи, уажә дызбама, ажәытә еиуаракгьы ҳабжьан. Уи иоума изҳәаз?
– Ааи. Уи иоуп избазгьы изҳәазгьы. Кәана иакәы
мкәа аҽаӡә ихьӡ иҳәар ихеимҵар ҟаларын. Аха Иасон уи ауаҩ ибзианы дидыруан. Акыргьы иқәрахь
днеихьан. Иакәымкәа аӡәы акы изиҳәеит ҳәа имаҳацызт. Аибашьра аԥхьа, жәамшҟа шыбжьаз,
еиқәшәан, акыраамҭа еицәажәон. Игәамбзиара дахашшаауан. Ианеиԥырҵуаз, сыҷкәын иҟынӡа сцароуп, ҳақьымцәақәак сыдирбароуп ҳәа иеиҳәеит
ианеиԥырҵуаз, игәалаиршәон Иасон.
Ус егьыҟаиҵеит. Иҷкәын Аҟәа аус иуан, ишҟа
дцеит сҽысхәышәтәуеит ҳәа.
Аҟәа дшыҟаз ауп аибашьра ишалагаз. Уа даанхеит дзалымҵыкәа. Аибашьра аилгарахь инеиуан
еиԥш аамҭазы ауп иԥсы иман далҵны дшааз. Дааит
ҳәа Иасон ианиаҳа, сцаны сыҷкәын ихабар ҳәа акридыруазар, ма акыр иаҳахьазар сиазҵаауеит ҳәа игәы
иҭыхо ишҭаз, уца, уҷкәын дзакәхаз ихаҭа иҳәоит
ҳәа ижәлантә ианиеиҳәа, деиханы дцеит. Ишьамхы нарсны диҳәеит иҷкәын изы иидыруа аиаша
иеиҳәарацы.
– Амц зҳәо анцәа ицәымӷқәоу роуп. Сара сылала
избаз аиашахаҭа уасҳәоит. Исымҳәаргьы анцәа лахь
сиҭоит, – иҳәан, днаидтәалан, акы аанмыжькәа зегьы иеиҳәеит.
Ақәылаҩцәа Аҟәа былуа ишналагаз еиԥш, иҷкәын
иҭаацәагьы иаргьы ааныжьны, аибашьра дцеит. Абгьы, аҭацагьы, амаҭацәагьы (урҭ хәыҷқәан)
адәахьы иаадәылҵыр аоккупантцәа икны иргар ҳәа
ишәаны рыҩны издәылымҵуа иҩнахеит. Ахәыҷқәа
амла рзымычҳауа ианалага, Кәана, сбыргуп, сыкны
сышԥаргари ҳәа чаагара дцон, смаҭацәа амла иасыркуам ҳәа. Дшаԥсыуаз рдырыр ача ирҭомызт. Ақырҭуа
бызшәа ҟыжәбыжәқәак иидыруаз ача аахәаразы иазхон. Ақырҭуа школ акәын иара дзылгахьаз, Бериеи
Сталини аԥсуа школқәа аркны ианрымаз. Ибзианы
изҳәомызт, аха қырҭшәала иаарҳәо, аӡы кылымкәо
иаҳауан.
Ҽнак, шьыжьымҭан дгылан, чаахәара дцеит. Аочеред дшықәгылаз, иахьарнахыс хымыш ача ҟалаӡом
ҳәа аӡәы иааиҳәан, ауаа еижәылеит, амагазин ашә
илеибархо, аԥхьа иҳазгозар ҳәа зегьы қәԥеит. Кәана
ажәылара изымычҳазт дхышәҭны дрылаҳаит. Ихала данзымгыла, џьоук ицхраан ддыргыларц ианалага, аҵла иалыҩрыз амаҭ ицҳаит ҳәа рҳәоит еиԥш,
данкаҳауаз ишьапы хҳәыцызаап, данеимдырхха дарҳәҳәеит. Убасҟак ихьит, дахьыҟаз дахьаныз
иханаршҭын, «сшьапы сымнахит, сышәмырҵысын»
ҳәа аԥсышәала ҿааиҭит. Дшаԥсыуаз анырдыр, заҵа
ицхрааны дышьҭырымхрыз, иӷрагыланы, дкәа
ҳаны ицарц иақәыркит. Аха ишырҳәо еиԥш, зегьы
неибеиԥшны иауцәгьаху, алыцәҳақәа бзиакгьы
рыламшәои. Дуаҩ быргуп, ус изышәымун, уи ихароузеи иҳәан, аӡә даарылҵын, даашьҭихын, ижәҩахыр
даҵагыланы (ахәшәтәырҭа аҟынӡа шә-метракгьы
бжьамызт) днаган даанижьит. Узусҭада ҳәагьы
иазымҵааит, дбыргымзи. Даԥсыуоуп ҳәа ргәы
иаанамгаӡеит, днаган дышьҭарҵеит. Дшаԥсыуаз
рдырыр дышьҭарҵо иҟазма. Хҩык мхедрионаа
хәны иахьышьҭаз апалатаҿы днаган дрыладыриеит.
Иагьихәамԥшит. Аҵыхәан игылаз акаруаҭ аҟны днаган ддыриеит.
Кәана иԥсы ӡаны диан. Ахәцәа руаӡәы, сеицәа
хазшәа збоит, Гоча ихаҭа дысзаажәга, егьырҭ ара
исыхәо уаҩ дызбом, ҳәа уажәы-уажәы ибжьы
рдуны аҳақьым еҳәшьцәа ирызҿиҭуан. Аҿыҭра
данаҟәымҵӡа аӡә дааҩналан, иаха ахәцәа рацәаҩны
иааргеит, Гоча уиаахыс аԥҟарҭатә зал ддәылымҵӡацт,
рыԥҟара даҿуп. Маҷк иаачҳа ирласны ддәылҵуеит.
Дшаадәылҵлак еиԥш, днеиуеит, – иҳәеит. Иаҳаз
маҷк дааиқәнартәеит.
Кәанагьы гәырқәак неизыҟарҵан, ихьаа еиқәдыр
тәеит. «Сҭацеи смаҭацәеи срымбар исышьҭалара
иҟоуп. Сгыланы цашьас иҟасҵарызеи» – ҳәа,
дхәыцуа дышиаз, дшаҵәышаҵәуа аӡә дааҩналт,
илақәа рыда ихы-иҿы умбо жакьала иҭаҳәҳәаны.
Гоча – зегьы иреиӷьу аҳақьым ҳәа изышьҭаз иара
иакәзаап. Дышиашаз днеины, агәамҵра иаҿыз
днеихагыланы, ушԥаҟоу ҳфырхаҵа ҳәа дизҵааит.
Сеицәахазшәа збоит, иҳәеит, дахьааиз агәыӷәӷәара
шинаҭаз иныԥшуа. Днеирҳәит, дааирҳәит, диртәеит
диргылт, еиҳараӡак ишьапы акәын имыхәоз.
– Уеицәахазшәа угәы изаанагазеи, сара избоит,
аиӷьхара уаҿуп. Уажәы аҽа хәшәык узылызҩаауеит.
Иахьаҵәҟьа адкылара уалага. Ушыҟанаҵо убап.
– Сукәыхшоуп, Гоча. Ирласны сшьапы сықәгыло
сҟаҵа. Станк сзыԥшуп, асепаратистцәа чалтны, сырхысны аиааира амш Ԥсоу аӡиас ахықәан сшаԥыло
ҳәа ҭоуба зухьеит.
– Агәра усыргоит, – Уахьысыгӡоит. – Инапы рыӷәӷәаны иааникылт. Уи даанижьын, егьырҭ
ахәцәа рахь иҿанааихоз аамҭазы аҳақьымеҳәшьа
дааҩналан, – Ҳаҭыр зқәу Гоча, абыржәыҵәҟьа
ӷәӷәала дыхәны дааргеит Мраҭашәарахьтәи афронт
акомандаҟаҵаҩ, агенерал Лабзиашвили. Аԥҟарҭаҿы
астол дықәуп. Зегьы узыԥшуп, – лҳәеит. Лажәа ҳәаны
дшалгаз еиԥш, апалата ааныжьны дцеит.
Данца ашьҭахь, ахәцәа ирҽхәара иалагеит,
дзакә ҳақьым бзиоу, уи иеиӷьу анапы змоу ахирург
дҳамбаӡац ҳәа. Ахәцәа ара иаанаго мчыбжьык ахиаҵыхәеи ала ршьапы иқәыргылан, ҩаԥхьа ҳаӷацәа
ирҿагыланы ирабашьуа иҟаиҵоит.
– Ари даԥсыуоуп ҳәа изуҳәар дрыцҳами.
– Абри иеиԥш иҟоу ауаҩы асепаратистцәа дахьрылиааз џьашьатәуп.
Кәана иԥсы ӡаны арҭ еибырҳәоз дазыӡырыҩуа
дышиаз, даԥсыуоуп аниҳәа, днеилууаа дцеит.
– Дызхылҵыз аԥсуа сепаратистцәа зегьы иара
иеиԥш иуаазҭгьы, – ҳәа ирҽхәара ишаҿыц иаҿын,
аҳәаха рибаҭомызт, – ҳадгьыл изқәынхо ықәцатәыс
рхы ҳарҭозма. Ҳаргьы ҳхы ақәҵатәыс иҳауазма.
Заҟаҩ ҭахахьада ҳара ҳтәқәа.
– Ҳара шә-нызқьҩык ҳҭахозаргьы, аԥсыуак иԥсы
ҭаны даанҳажьуам. Ус имҳәахьеи хьӡи-ԥшеи змоу
ҳгенерал Ҟарҟарашвили.
– Гоча абас дҵаҩ бзианы, агәбылра, акультура иланы, амилаҭ еилыхра иламкәа дызлаҟалаз жәдыруа
ма? Қарҭ дааӡеит. Қарҭ аҵара далгеит. Ҳара иҳаиӷьу
Кавказ дшыҟам еиликааит азоуп ҳбызшәагьы бзиа
ибаны изиҵаз. Иан илыбзоуроугьы даара ирацәоуп.
Қарҭ аҵара лҵон. Ақырҭуааӡара, ақырҭуа культура
бзиа ибаны илыдылкылт.
– Аԥсуаа ыҟаӡамызшәа иқәхны аибашьра ҳшаа
лагалак еиԥш Қарҭҟа усура дцозаап. Иангьы
диццозаап. Ус еиԥш агәҭакы имоуп ҳәа иҩызцәа
аҳақьымцәа аҳәара иаҿын....
Ахәцәа уи ада излацәажәо рымамызшәа,
абас инеимда-ааимдо Гоча итәы акәын ирҳәоз.
Иаҟәыҵрангьы иҟаӡамызт, анаҩстәи апалатаҿы
ихәны ишьҭаз аӡәы ишьапы рҳәазо дааҩнамлазҭгьы
шәара шәҿы дыҟан Гоча шәибеит шәиаҳаит, ҳара
ҳпалатахь зынӡа дымнеиӡеит ҳәа дгәааны.
– Сара иуасымҳәази, аԥҟарҭаҿы дыҟоуп, уца ҳәа
уахь, умнеиӡеи, – лҳәеит аҳакьымеҳәшьа ишьҭаланы
иааҩналаз.
– Сыҟамзи, аха сихьымӡеит. Қарҭынтәи еиҳаб
дук дааны адачаҿы даангылазаап. Аруаа ҳаизганы
дҳацәажәарц ашьжьымҭан дҩагылан дықәҵәраан
дахькаҳаз, ишьапы хжәазаап. Гоча ишьҭалан иаан
сара снеиаанӡа дааимҵарсны дыргеит. Анапы
ҳәа имоу зегьы ирымдыруеи? Ахәра иакьысаанӡа
иарӷьоит. – Абарҭ зегьы иаҳауан Кәана, ихыза ихы
иақәҵаны дӡырыҩуа дахьиаз.
– Шәара ишәҳәо саҳауеит, аха сара иаха аԥсуа
телехәаԥшрала, Гоча Иасон-иԥа Бачаа, иԥсадгьыли
ижәлари иҭиит, ихьӡи ижәлеи иԥсахит, Гоча Бачилава ҳәа ҟеиҵеит. Дыктәуп, дышьтәуп ҳәа аума
шизырҳәоз саҳаит, иҳәеит ҿыц ихәны иааргаз
уажәраанӡа ҿымҭӡакәа ииаз аӡәы.
Абасҟак ззырҳәо дызусҭахарыдашь ҳәа Кәана
иԥсы ӡаны дышиаз, ихьӡгьы ижәлагьы иаб ихьӡгьы
еидкылан ианырҳәа игәы нҭыԥсааит. Ахьыӡаԥша змаз, аԥсуа патриот ҳәа иԥхьаӡаз, ақырҭуа
милаҭеилыхыҩцәа заҳәа ҭыхны ирҿагылаз Иасон,
иҷкәын абас дышԥаҟалеи, уҷкәын дыԥсахыҩхеит,
ҳаӷацәа
дрыдгылеит
ҳәа
иаҳар
изыхгом.
Дышԥарыцҳасшьои. Ҳыхь ажәҩан ҵаҟа адгьыл...
иԥа заҵә иакәын дзықәгәыӷуаз ҳәа лацәааихьшь
имаӡамкәа, Кәана дышизхәыцуаз ирхәлеит, иршеит, имаҭацәаҵәҟьагьы ихашҭит, убасҟак игәнигеит,
ихьааигеит иибази иаҳази.
Адырҩаҽны ианааша, шьҭа егьухьуам уца аҩныҟа
ҳәа иарҳәан дцеит.
...Уи аҽны ахәшәтәырҭаҿы снанамгакәа сыҩшьа
пыкгьы ԥҵәандаз абри еиԥш саламԥшыкәа,
иҳәан Кәана иаҳаз иибаз ҳәаны далган, луанытә
даақәыԥсычҳаит.
Абри зегьы аҳәара дахьынӡаҿыз Иасон зынӡа
алаҿымҭӡакәа дахьтәаз уамашәа ибо данынеиҿаԥш
даарыцҳаишьеит, шьа илаӡамкәа илабазшәа, ақьаад
еиԥш дҟәашӡа ихы инапы аҵыргәаны дтәан, ҿыцха
дыԥшуа. Акыраамҭа ус дтәан қәацарак имаӡамкәа.
Нас деихеигәо дызҵымҵуа ахаҳә ихәда иқәлазшәа,
аарла ҳәа дҩагылан ддәылҵны дцеит, изаҟаразаалак
акгьы мҳәаӡакәа.
Ахәлара рацәак агмызт иҩны даннеиз. Иасон уи
аухатәи аҵых иара изы имшаӡо ҵыххеит.
Ауаҩы агәырҩа ӷәӷәа анимоу, ажәак иадамхаргьы
ак иазҳәаша уаҩ ԥсык димаӡамкәа, игәырҩеи иареи рымацара ианааизынхалак, ихы ицәымыӷханы
аҟазаара аҵкыс аҟамзаара еиӷьшьо аҟынӡа днанагоит. Ҽынла акәзар еиҳа иухугоит ухала уаанхаргьы, уааигәа-сигәа уаҩ дыҟамзаргьы, харантәыла
акәзаргьы бжьык уаҳауеит, ма ԥсаатәык абжьы
уаанарԥшуеит, ухәыцрақәа еиԥхьдырттоит уахынла ауп ианыцәгьоу, аҵых лашьца аҽалакны иааины
иухаԥоит ахәыцра хьанҭақәа.
Иасон уи ауха ахәыцра бааԥсқәа икәшаны дыркит. Акы иҽацәигар аҽак сымԥан иаасышьҭуам ҳәа
ахәыцрақәеи иареи акыраамҭа еиқәԥон, аха акы
ашьҭахь аҽакы изцәырымҵыр ауамызт.
Зегь раԥхьа игәалашәаз, Бача ашкол даналгаз
ашықәс азы аԥсуа бызшәа арҵаҩы Иона иеиҳәаз ауп.
«Уҷкәын амаҭәарқәа зегьы бзианы иҵоит, ихатәы
бызшәада. Ухатәы бызшәа егьырҭ абызшәақәа
зегь раҵкыс бзиа иубозар ауп ҳәа аниасҳәа
дпаӷьӡа даасҿагылан, иснаҭозеи уи гәарабжьара
бызшәоуп. Қарҭынӡа снанагом, Москванӡа сазгом
нас изысҭаххарызеи», – ҳәа сеиҳәеит. – Дқәыԥшуп,
уилабжьа, зхатәы бызшәа зҭахым иԥсадгьылгьы
иҭахым ижәларгьы иҭахым. Уи ус шакәу еилукаароуп, аханатә инаркны.
Усҟан арҵаҩы ииҳәоз Иасон игәамԥхеит. Уҷкәын
дышнеи-шнеиуа иԥсадгьыли ижәлари зыԥсоу изымдыруа дҟалар алшоит ҳәа ауп исоуҳәаз иаанаго. Уи
ижәлари иԥсадгьыли ицәымыӷхо даныҟала аҽны нахыс иаргьы саргьы Анцәа ҳҟоумҵан. Уара иуҭахым,
сара издыруеит, сыҷкәын амаҭәарқәа зегьы хәбахәба ҳәа иҭиуа дахьааиуа угәаԥхом.
Ахатәы бызшәаҿы даннеилак абжьаратә хәшьара
изықәургыларц уҭахума ахьтәы медал имоуразы
иҳәан даараӡа ажәа хьамҭа иеиҳәеит.
– Иуҳәаз саҳаит. Анцәа уахьимырхәааит, – иҳәан
аҭак имҭаӡакәа Иона дидҵны дцеит.
«Уажәы даасԥыланы, иугәалашәома иуасҳәоз...
аҭак усымҭеит усҟан. Уҷкәын, ҳаӷацәа анырхәлакь
ихәышәтәуеит, еиҭах ҳаҷкәынцәа ирҿагыланы
ирабашьрацы. Ус анакәха, ари иаанаго уи ауп,
уҷкәынгьы ижәлари иԥсадгьыли драбашьуеит. Сара
сиашазу, уара уиашазу ҳәа даасҿагылан исеиҳәар
аҭакс исҭо ҳәа исымоузеи?
Сара соуп зегьы зхароу дысзымааӡеит. Иан
лтәашҟа дагеит. Ҳбызшәа хьанҭоуп, аҵара цәгьоуп
ақырҭшәа аҵара мариоуп. Даргьы уаабзиақәоуп,
акультура ҳаракы змоу уаауп ҳәа дидтәаланы иаҳәара
дшаҿыз дақәыскхьан. Иланасмыжьыр акәын. Усҟак
брыцәнымхозар, рышҟа бца ҳәа дыздәылсымцазеи.
Ҳаҷкәын акупантцәа дрылган даазгоит ҳәа Аҟәаҟа
данцоз дзысышьҭызеи? Лыгәра шԥазгеи? Уа дахьнеиз даангылт. Лыҷкәынгьы ларгьы ҳаӷацәа ирыланхоит... Ирылачоит. Ирҳәомызт акәымзар, агәылацәа
зегьы ирдыруазаарын, сара зегь рыла сыҵабганы
сшыҟаз.
Зыԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз ранацәеи рабацәеи
сызларыхәаԥшуазеи?
Уҷкәын бзиа иаҳзиуыз умбои? Ҳаӷацәа, ахәра анроулак уҷкәын (ахәшәтәырҭаҿы дыҟоуп) иҟны инаргоит, ихәшәтәны ҳаҷкәынцәа рышьразы иааишьҭуеит.
Акгьы узымдырӡошәа ҟаҵаны уҳадышшылоит ҳәа
аҵәуарақәа рҿы сықәырцарц иалагозар акәхап.
Сыԥсы ахьынӡаҭоу схы сҩаханы аӡәы сзимацәажәо
сҟеиҵеит. Дысхымшаӡар исыбаргәыз. Шьҭа рнахыс
ԥсык иаҵкыс сызлеиӷьузеи сара», – ҳәа ихы агәаӷ
кны дшыгәынқьуаз мацара иршеит.
Ашара ианалага нахыс аҩны ихы изыҩнамкит.
Адәахьы ддәылҵын ашҭа ҭбаа ду дазымкит, Кәыдры
аиҩхаа иҭҳәаны иаманы иаауаз аҳауа изымхошәа ибо
далагеит. Иашҭа ауреи аҭбаареи ишәозшәа, зны аханы дцон, нас даахынҳәны аҵыхәтәанынӡа даауан.
Ажәҩан казказуа иҟан, амра кахаа иԥхон ԥсҭҳәа
цырҟьаха хәҷыкгьы џьара ихыршәлангьы иубомызт.
Аха ажәҩангьы амрагьы зегьы хәашьны акәын ишибоз. Иара инапала еиҭеиҳаз, еихеиҳаз ашәырҵлақәа
ибыбышӡа ишәҭны игылаз, еиқәаҵәахазшәа акәын
ила ишабоз.
Инапы злеикра изымдыруа, аҩны дыҩнало
ддәылҵуа агәаҭеира даҿын нас абаҳа аашьҭихын,
иан, иаб, иабду, ианду рабиԥара зегьы ахьжыз
анышәынҭрахь дцеит. Иани иаби ахьжыз ада
егьырҭ ртәқәа ак умбо абнара иагахьан. Иани иаби
ртәқәагьы ажыц рхыҵәахьан.
Иасон иҭаацәараҿы ԥсрак ҟамлацижьҭеи ҩажәи
жәаба шықәса ҵуан. Шықәсык ашьҭахь анышәынҭра
арыцқьара ҟалаӡомызт. Анышәынҭра урҿыцыр
алыԥсаа дуоуеит ҳәа ирыԥхьаӡон ажәытәуаа. Уи
азоуп Иасонгьы днавыс-аавсуан акәымзар дҭаланы
изимрыцқьозгьы.
Уажәы, уи ажәытә уаа ирҳәақәоз егьигәалеимыр
шәеит. Дынҭалан арыцқьара далагеит. Зегьыҵәҟьа
имч рықәымхеит, аха иани иаби рнышәынҭрақәа
каз-казуа ирыцқьеит. Уи ала ихигашәа ҟаиҵеит
аҽнытәи амш. Ашьыбжьышьҭахь игәылацәа зынӡа
изааигәаны инхақәоз хәба-фба ҭӡы днарылаланы
иреиҳәеит уск сымоуп ахәлбыҽха аҩнынӡа шәсыз
неи ҳәа.
Ҳнеип, аха иҳаиҳәараны иҟоузеи? Ҳаргьы иаҳ
ҳәараны иҟоузеи? Иҷкәын ҳәа ҳазҿу дихылымҵӡар
ибаргәыз. Ибӷа ашшара ԥиҵәеит, Апату ду змаз,
аҳаҭыр ду зқәыз Иасон, иҟаиҵара изымдыруа
дықәирхеит иҷкәын. Ҳнеирыма ҳамнеирыма, еиҳа
ишԥеиӷьхари ҳәа агәылацәа еилацәажәеит. Иасон
ихаҭа аӡәаӡәала дҳалсны иҿала ианҳаиҳәа мнеишьа
ҳамаӡам ҳәа рыӡбан, еицны инеиит. Иасон игәылацәа
ааиаанӡа, имаз ахәыҷы ала аишәа ирхиеит.
Ашҭа ишааҭалаз еиԥш, дырԥылан, уаха заҵәык
ауп аџьабаа анышәсырбо ҳәа днараԥызаны инаган
ирхианы имаз астол инадиртәалт, гәалак змаӡам
иеиԥш.
Уахазаҵәык ауп аџьабаа анышәсырбо ҳәа
иҳаиҳәаз иаанагозеи. Насгьы ари ҳзыдиртәалаз
аишәа закәызеи ҳәа уамашәа ибаны инеиҿаԥшыааиҿаԥшуа иахырҳәаара рзымдыруа ишыҟаз, Иасон
иаԥхьа иқәгылаз аирыӡ аашьҭыхны, инапала зегьы
раҵәцақәа аҩы рзҭеиҭәеит.
Аԥшәма иаԥхьа аҩы аӡәгьы иаанимкылт, ишаԥу
еиԥш. Аишәа ахахьы диасны даагылт. Аҵәца
аақәихын, ԥыҭраамҭак, ииҳәаша иԥшаауазшәа ҵаҟа
дыԥшуан. Иааникыларц ииҭахыз аныҳәаҿа бзиарак
ишазкымыз зегьы игәарҭеит, инапы шыҵысуаз ала.
Иахьанӡа идрымбалацызт абас инапы ҵысуа.
Ашьҭахь ииулак ихы ҩышьҭихын (ииҳәарызеишь
ҳәа зегьы ԥшын), – ари аҩы сара иҭасҭәеит ақырҭцәа
ҳақәыргарц ианҳақәлаз. Зыҷкәынцәа еибашьуаз
абацәа зегьы реиԥш, саргьы аҿаҭахьа сықәысҵеит
аиааира ганы, аибашьра еилганы, сыҷкәын деибганы даныхынҳәуа аҽны ишхыстуа ҳәа. Аха сыҷкәын
дыԥсижьҭеи акрааҵуазаап. Шәара ижәдыруазаарын,
аха ишәзымгәаӷьит саҳәара. Шәнасывс-аасывсуан...
иацы ауп сара сыҷкәын дшыԥсыз ансаҳаз. Уи азоуп уаха шәаргьы шәзаазгаз, иԥсра шәгәы ишалоу
аҟара збоит. Акака аанкылан иаргьы саргьы ҳзы
ихышәҭәаларц сҭахуп, – иҳәан, аҵәца дҩахеит. Иар-
гьы саргьы ҳаԥсқәа Анцәа еиқәимыршәааит, – иҳәан
инҭаркәкәаны ижәит.
– Иухәҭам, Иасон ус аҳәара.
– Иасон уара адунеи азна аџьабаа збахьоу, адунеи
азна здыруа ҳәа ауаа ирыԥхьаӡо ируаӡәку уоуп. Уи
еиԥш умҳәандаз.
– Адунеи аҿы иҟамлац ҳәа егьыҟам, уи еиԥш
акәым, еицәоугьы ҟалахьеит. Иучҳароуп.
– Уҷкәын мчымхарак дақәшәазар ҟалоит. Ус аума,
анс аума, иԥсы ҭаны думами.
Абацәа зыҷкәынцәа ҭахаз, рҽарымҭеит. Уара
утәы иԥсы ҭоуп. Уҽоуҭар ҟалома? Абас инеимда-ааимдо даара рҽыршәеит игәылацәа, агәырҩа ду иоуз
ҳазхыҽуазар ҳәа акыраамҭа игәшәамшәа аҳәара
иаҿын.
Зегь ирҳәашаз ҳәаны ианаалга, ишәҳәо саҳауеит,
аха зыҷкәынцәа ҭахаз абацәа реиԥш сыҟазҭгьы
џьанаҭ шьапыла сцон, исыбаргәыз. Урҭ рыҷкәынцәа
рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Урҭ ԥсит ҳәа узрызҳәом.
Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рыхьӡ кашәара ақәӡам.
Ауаҩы адунеи дзықәу ахьӡи ахьмӡӷи рзы ауп. Сара
стәы ихы зқәиҵазеи? Ҳаӷацәа ирықәиҵеит. Дшыбзаз дыԥсит. Аԥсрақәа зегьы иреицәоу ишыбзоу
аԥсроуп. Абри ашьҭахь уаҳа ажәак имҳәеит, ихы
кны дтәан. Агәылацәа иаразнак игылан изымцеит.
Ргәаҵаҟынӡа днаган дрыцҳаршьеит.
Изымдыруашәа ҳирбеит акәымзар иҷкәын
иҟаиҵаз уажәыгьы имаҳацкәа дҟаларым ҳәа згәы
иаанагақәозгьы, ауха ихымҩаԥгашьа анырба,
иахьхәны итәан.
Агәылацәа анца ашьҭахь, ихала данаанха, игә
ҭакы анагӡара далагеит. Аишәа еилмыргаӡакәа
ишыҟаз иаанижьит. Аирыӡ акәымкәа, аԥҳал ду
аашьҭихын, иҳаԥшьаҭраҿы дцаны, ҩыла ирҭәны
иааганы астол иадиргылт. Игәылацәа уаҵәы иана-
аиуа азыҳәан ҳәа, нас иҽикәабеит. Сасра дцошәа,
ҵаҟатәи имаҭәацқьақәа иреиӷьу ҳәа имаз, хыхьтәи
имаҭәақәеи ишәиҵеит.
Ихашҭны иҟаз ила, адәахьала ашә иахо ианалага,
ахәы дәылган еиҭеит. Нас даахынҳәын днеины диеит, иҽеилаҳәа-иҽеилаца дшыҟаз.
Ишеит. Амра гылеит. Ҵлак ашәара иҩеит. Иҩны
ашә шаркыц иаркын. Аҳәара хәыҷқәа еибарӷызуа
ашҭа иҭан. Ажәқәа еибарҟаауа агәашә иадгылан.
Зынӡа иааигәа инхоз игәыла, фархьқәак аазгоит
ҳәа Иасон инхыҵ иҟаз ақәаҵахь дышнеиуаз, ажәқәа
аанда ԥжәаны аҳәарақәа рахь ҳнеиуеит ҳәа ишаҿыз
аниба, иааџьеишьеит.
«Шьыжьла ҳазегьы ҳаԥхьа дгыланы зырахә еил
зыргоз иара иакәын. Иахьа дамхацәама, ихьзеи,»
игәахәит азныказы, аха иахатәи ихымҩаԥгашьа
игәалашәан иааицәымыӷхеит. Ианаџьалбеит, иҽа
химшьаандаз иҳәан дивсны дымцакәа, игәашә
даадгылан изҿиҭит, аха ибжьы мгеит. Ирахә
еилмыргакәа еибарҟаауа, агәашә ишадгылоу иааныжьны џьара дцарымызт, дцәалаԥсыма, ахәаша
иҳәан, ашҭа дҭалан изҿыҭуа абарҵаҟынӡа днеиит.
Ибжьы анимаҳа ашә асра далагеит, аха аҩнуҵҟа
ауаҩԥсы дыҩноуп ҳәа уҳәаратәы бжьы ҩныҩуамызт.
Ашә амаа кны данааха ацаԥха аркӡамзаарын
аҷараҳәа ашә аатит. Аԥшәма дшеибгамыз идырын игәы изыҩнагаломызт, акыраамҭа ашәхымс
ишьапы изахгомызт. Игәы ааиқәҳәалан дыҩналт,
дыԥсны дшықәыз днеихагылт. Ибжа илыԥсаазшәа
дҟалеит игәыла абас даниба, дыҳәҳәан агәылацәа
еизигеит.
Иҟалазеи, ихьзеи ҳәа зегьы еибарыҩны иааит. Ианааихагыла рызегьы шанханы иаанхеит,
сасра дцозшәа, деилаҳәеилаца дықәын, рыбжьы
наиқәдыргар дҩагыларашәа.
Ихагылақәаз, иаха дзыԥхьаны иааигақәаз ракәын,
рхаҿы имааит акәымзар, абзиала ҳәа реиҳәарц азы
акәзаарын. Иаха ииҳәаз иажәақәа ирызхәыцуа ианалага ргәи рылаӷырӡи еилаҵәо аҟынӡа дрыцҳаршьеит.
Иҷкәын изиуз изхымгеит, дашьит.
Абас ауп иҟаиҵаз, иԥсадгьыли иуаажәлари
иԥсахит, аӷацәа дрыдгылеит ҳәа иацы ианиаҳа нахыс аԥсра иҽазыҟаҵара далагазаап.
– Ҳаргьы иаҳхароу ыҟоуп, иаха ихала дааныжьны
ҳамцар акәын. Игәырҩеи иареи рымацара еидхалеит. Аб ахәаша акры ихароума, иҷкәын, мшымыжда аҽны ихылҵыз, ауаа дызрыламгыло дҟаиҵеит.
Ажәакала иуҳәозар, иҷкәын ахьымӡӷ ииргаз изхымгеит.
– Шәара ишышәҳәаз, аԥсраҵәҟьа аҽазыҟаҵара
даҿызҭгьы, иацы абнахь амҿԥҟара дцарызу, – иҳәеит
агәылацәа руаӡәы.
– Иабантәи ааугеи уи, уара дубама амҿы шԥиҟоз,
– ииҳәаз аӡәгьы иргәамԥхеит.
– Сылала дызбеит иеихеи иеигәышәи иманы
абнахь дышцоз. Абна илихраны иҟааз амҿада? –
иҳәеит уи.
Ииашаҵәҟьаны ус акәзар, уи зны-зынла
иахирҟьацәоит, аха шамахамзар иимбаз иҳәаӡом ҳәа
зҳәақәазгьы ҟалеит.
Уаҵәы дыржраны иахьеиԥш, агәылацәа еилацәа
жәеит дабаажуеи ҳәа.
– Дабаажуеи ҳәа шәышԥаҵаауеи, иан, иаб, иабду, ианду рышьҭра зегьы ахьжу аҟны акәымхои, –
рҳәеит абыргцәа.
– Уаҟа жышьас имоузеи, абна иагахьеит, амаӷра
ахыҵәахьеит, мышкы-ҩымш рыла рыцқьашьа ама
ӡам, – рҳәеит аҽа џьоукгьы.
– Ауаҩ иимбац ҳзыҟаҵом. Хазы дганы даажуама, агәнаҳара ҟаҳҵома, шәаала, ҳҽааибыҭаны
ҳцап абыржәыҵәҟьа, хәылбыҽханӡа изқәаҭыԥ
шԥаҳзылымхуеи, – рҳәан еиҳараҩык, реиха,
реигәышә аашьҭыхны ицеит. Иахьнеиз игачамкны
иаанхеит. Иани иаби рывараҿы ижырҭа аҭыԥ казказуа ирыцқьаны иҟан, анышәԥҟара ада ус амамкәа...
Иасон иԥсышьахаз ақыҭа зегьы иалаҩит.
Згәы далымсыз аӡә дҟамлеит. Агәра рызгомызт
ирацәаҩны, иԥсышьа абасҵәҟьа иҟалама ҳәа
акыраамҭаӡа иалацәажәон Аҟәарашаа, ԥсроума,
бзароума иахьааиқәшәалакгьы. Џьашьатәыс ирымаз, ихала изқәаҭыԥ ахьылихыз, иҽеилаҳәаиҽеилаца имаҭәа бзиақәа ишәҵаны, ҵаҟатәи
имаҭәақәа, уи аухада ишәимҵацыз, аҵаҵаны,
даашьҭыхны акәыба иҭаҵарада, аӡәгьы ҟаҵатәык
имҭакәа, ихала иҽазыҟаҵаны аԥсра иаԥылашьа
акәын. Зынӡа иџьаршьоз, иԥсы анихихуаз ихагыланы деиқәыркызшәа, иҽеиҵыхны, инапқәа игәы
иқәҵаны, илацәақәагьы хҩаны дшықәыз аабеит
ҳаныныҩнала ҳәа агәылацәа ирҳәоз акәын.
Ихы акразиума, ахәшә ижәыма, ихала иҽишьыма
ҳәа аӡәгьы дҵааӡомызт, зегьы ирдыруан Иасон
иԥсра аанӡа иҷкәын дшишьыз.
Махази Алиаси анеиқәшәа аҽны, ари ахҭыс
аҵыхәанынӡа инагӡаны ирзеибымҳәеит. Махаз даланагаланы аҳәара дшаҿыз, Алиас илымҳа кыдҵаны
дшизыӡырҩуаз, ирызгәамҭаӡакәа Алиас иаб иҩны
агәашә иаадгылт. Махаз абжараҟынӡагьы дымнеицызт, аха иажәа ааҿахиҵәеит, уашьҭан инаҳагӡап
иҳәан.
Аҩны ашәқәа аартын, аха адәахьы уаҩ дубомызт.
Еи, аԥшәма, уабаҟоу? Асасцәа ҳауҭоуп ҳәа ҿааиҭит
Махаз, уи агәы имазшәа лафкгьы налаҵаны. Алиас
игәы иахәеит Махаз абасҟак аума шихигахьазгьы
иҽамҭакәа дахьыҟаз.
– Уа бзиала шәаабеит, – иҳәан, Чанҭа даадәылҵит.
Дласӡа дыҟан, иқәра иузақәнамыргаратәы еиԥш.
Уаҩ фархьк иакәын, ибжьгьы ҵарын, – агәашә
шәышԥадгылоу, шәҭал арахь, шәыххь згеит, –
иҳәеит. Ашҭа агәҭаны дааиаанӡа Махаз ицыз дизымдрит. Иҷкәын дшаауаз идыруан, аха уи аҽны даауеит
ҳәа дыҟамзт.
– Сара ссасӡам, исыцу иоуп асас, уи иоуп бзиала
уаабеит ҳәа зоуҳәаша, – еиҭах даахәмаршәа ҟаиҵеит
Махаз. Убасҟан ауп Чанҭа иҷкәын данидырыз.
– Сыла ԥырԥыруан... сгәы исанаҳәон ушаауаз,
аха иахьа уаауеит ҳәа сыҟамызт. Уан дукәыхшоуп,
уан дузӡатәуп, – лҳәан, аҩны аҩналаха имҭакәа,
ашҭа дықәыргыланы, иухьша сыхьааит ҳәа, лнапы
шьҭыхны иргьежьуа икәшара далагеит.
Аб игәырӷьара адәахьы инмырԥшыкәа, аԥсуа
ҵасла, аԥхьа Махаз инапы ааимихын, нас иҷкәын
дааигәыдиҳәҳәалеит. Агәылацәагьы еибарыҩны аш
ҭа иааҭалт, Алиас иааира еигәырӷьаны.
Иҷкәын Алиас, аԥсреи абзареи дрыбжьаханы,
Москваҟа амҩа данықәыргалаз ацәҵыс хырцәаала,
иҩуа ашҭа иҭаз, ӡатәыс иқәиҵеит, деибганы
дзыхынҳәуазар агәи агәаҵәеи дшаҵаныҳәо ҳәа.
Ацәҵыс цәы наӡааӡахеит. Адәахьы ишьҭуамызт,
ахкаара иҭаҵаны иман. Иоуишьҭыр дацәшәон, аибашьра ашьҭахь, абгақәа раҵкыс ишәарҭақәаз ҟалан,
рахәышьаҭак баны иаанрыжьуамызт.
Агәылацәа, Алиас дшаауаз анраҳа нахыс, рха
ԥыцқәа «хуа»иԥшын. Аухаҵәҟьа ишьыр цәгьа ирымбеит. Иаргьы ус акәын ишиҭахыз, аха Махаз даниба дааннакылеит. Уи иҷкәынцәа ҭахазар аахыс,
ԥсрак аҿы акәымзар, гәырӷьарак аҿы дымнеицызт,
исынсырԥшуам ҳәа даҿын, аха игәы зегьы ҭәын
гәырҩала. Алиас дшаауаз аниба, иаргьы дицны дааит дсыдныҳәаларц. Аҽаџьара акәызҭгьы, уи еиԥш
аҟаҵара игәы инаруамызт. Абас изырҟаҵаз иареи
сареи ҳада аҽаӡәы издырӡом. Аиуара ҳабжьамызт,
аха иареи сареи цәгьа бзиа ҳаибабон, насгьы
ҳаиқәлацәан. Аибашьра алагамҭаз (мчыбжьык
аҟара шыбжьаз) ҽнак даасыдтәалан, уҷкәын Алиас
сыҷкәынцәа руаӡәы дисырнаҭырц... уи ала аиуара
ҳабжьаҳҵарц сҭахуп, иахуҳәаауазеи ҳәа сеиҳәеит.
Аҵкыс еиӷьу иҟоузеи ҳәа сшеигәырӷьаз исырдырит. Аха, амыждара ззыҟалаша ақәылаҩцәа дахьыр
мыгӡеит.
...Сыҷкәын иаара сеигәырӷьеит ҳәа ила ишабо ацә нкажьны ишԥасшьри. Акгьы инирԥшрым,
аха игәы азҷыдамхои. Уахала уи еиԥш сзыҟаҵом.
Дрыцҳасшьоит. Илаӷырӡқәа игәы иҭыкәкәа ачеи
џьыка дахатәазаауама. Уи адагьы Даҭа даанӡа
сҽааныскылароуп. Уахаҵәҟьа иҟаҳамҵар амуа иҟоу
ма, ҳаԥхьаҟа ҳахьӡап иҳәан, хыхь-хыхь ала еилгеит
ауха.
Даҭа ахәылбыҽха иаҳаит Алиас дшааз, ишиаҳаз
еиԥш иҽааибиҭан, агәашә аҟынӡа днеихьан еиԥш
ишьҭахьҟа дхынҳәит. «Иани иаби рызхара дрымбац.
Уаха срылаларым, агәырӷьара ирымоу саԥырхага
харым. Сырбар, ргәы аҽакала иҟамларц залшарым.
Сара саныблыз Чанҭа ашәы ишәҵаны дсывагылан,
шықәс дуӡӡак иааишәымхӡакәа иныҟәигон». Иҷкәын
Сафарбеи иеиԥш акәын Алиас дшибоз. Ҩыџьа
аҷкәынцәа сымоуп иҳәон. Саргьы ус акәын ишысҳәоз,
ԥсык еицырхан. Уҩны, сыҩны ҳәа еилых рымамызт.
Уахык сара сҿы иԥхьон, адырҩауха иара иахь ицон.
Урҭқәа зегьы рҿыцны игәаламшәарц залшарым,
инагӡаны дызгәырӷьарым сара сибар ҳәа акыраамҭа
дазхәыцуан даныхынҳә ашьҭахьгьы. Алиас уҷкәын
иеиԥш дубон, дшааз ануаҳа иаразнак уаауаз џьысшьон
ҳәа Чанҭа иҿала имҳәаргьы агәаанагара иоур ҳәа
дацәшәо, ашацкыразы дгылан, Алиас ибара дцеит.
Ашьжьымҭанӡа, Чанҭа ирахәыҵәҟьа еилиргаанӡа,
Даҭа днеит. Аԥшәмацәа мгылацызт. Иаха ачара рузар акәхап иааԥса, икараха иҟоуп, игылаанӡа
саарзыԥшып иҳәан, ашҭа дҭамлакәа, агәашә аартны
аҩны днавыс-аавсуа аамҭа сгоит ҳәа даҿын. Чанҭа
сыҷкәын данаауа азыҳәан ҳәа иоушьҭны имаз ацә
быҩҩуа ахкаара ишҭаз ибеит, иџьеишьеит иаанханы иахьыҟаз. Издыруада макьана Алиас дмаацзар
игәахәит. Аха ахәылбыҽха Махази иареи еицны
ишааз збаз иеиҳәахьан.
«Сара сзоуп ацә шьны ачара зимуз. Хымԥада
дыгәшаҭеит. Ҳаҷкәынцәа ԥсык еицырхоуп. Аҳәса
еицырзаагап, ачарагьы еицырзаауп ҳәа ҳаизгәдуны
ианеибаҳҳәоз аамҭак ҳамамзи. Сара стәы уи еиԥш

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 09
- Büleklär
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3396Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3393Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3424Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3432Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21970.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3466Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21870.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3501Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3417Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3427Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3430Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3433Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3359Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3359Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 162Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.