LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 11
Süzlärneñ gomumi sanı 1346
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1014
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Хьыкәыҷ лмаҭацәа Кама, Баҭал заҟа дрыхӡыӡаауа,
иаԥсоу уааны, ихьӡырҳәаганы рыжәлар ирылагыларц.
Насгьы абиԥарала иаауа рдаракәац аракәа имарыма
жаны иҿиаларц, ԥхьаҟа ицаларц шылҭаху, ишылхьаау,
аргама ду ирҳәоит урҭ данрызхәыцуа илызцәырҵуа
ахшыҩзцарақәа. Дара абарҭ амаҭацәа рхаҿсахьақәа
еилыхха иааԥшуеит, ҳгәынкылараҿ инхоит ранду аԥс
ҭазаара шымариам, ишықәԥароу ртәы зҳәо лгәала
шәарақәа рыла.
Уажәы ҳналас-ҩаласны иаагап ҿырԥштәқәак: «Уара
сызкәыхшаша, – Баҭал изхәыцра дналагеит лара, – уара
убас ирласны иузҳароуп, уаб иҩны дыҩнагылоушәа,
аӷьараҳәа дыҟоушәа, аҩны ахаҵа инапы агымкәа. Уи,
нас иара иаҟара узыҟамҵаргьы, ауасҭа бзиацәақәагьы
руасхыр цәышьа еиқәшәом, уаргьы ухәы ҭоумыжьроуп.
Анхара-анҵыра атәы удыруазароуп, уажәы аҿар зҿы
нҵәаауа аҵарагьы уалыхәдамзароуп. Нас ишԥа, ула хтызар ауп ҳаӷоу ддагәан диааит, дышдагәоу дагьыԥсааит.
Усҟан агәабзиара умоуп ҳәа изуҭахуи, ма ҿахрак сфоит
ҳәа адәы ақәзаара зыԥсоуи? Ҿахрак иахьа хәлаанӡа алагьы иафоит!».
«– Уара уӷәӷәахароуп… аиха укыргьы иуқәманшәа
лахо, аҽага укыргьы, аӡаҿгьы, аҵлаҿгьы, аихаҿгьы…
Ааи, нан, раԥхьа иргыланы, аныхеиԥш абри зегь ҳаз
қәаарыхуа адгьыл ауп зымаҵ утәу. Убри агәы ианаумырга, убри аҳәира ануцәахымҵәа, нас иара аҩынгьы
агәыбылра укуеит. Аус злоу аҩны, анхара агәбылра
ауп, уи, ани уҟазшьа бзиақәа реиԥш, ушыхәыҷу иуцироуп. Мчыла иудыргало зегьы, шьыжьла ушцәамхьоу
иуфо афатә еиԥш иухашҭуеит, иухаҳаӡом. Иухамаҳауа
узарӷьацома?! Насгьы, нан сызкәырбанхаша, ауаҩы изы
уԥсы ҭыхны иукызароуп. Ибзиоу изы, иҳалалу изы…»1.
Ишаабо еиԥш, Хьыкәыҷ лмаҭацәа рааӡара акәын
ԥсҭазаарас илымаз, уахгьы ҽынгьы дзызхәыцуаз, лхы
иҭагьежьуа иҭаз. Уи лара лзы ҩ-функциак нанагӡон: акы,
лгәырҩа хьанҭа маҷӡак аҟара ихызҽуаз мчык ацнаҵон,
лыдгьылтә ԥсҭазаара ароурц азын. Ҩбагьы, гәык-ԥсы
кала илҭахын лԥа Ҭемыр идаракәац еихазҳаша, ихьӡ,
иԥша иацызҵаша, зџьынџь шьагәыҭра азызуша аҵеира
ҟаларц рхазы мацара акәымкәа, Аԥсадгьыл аԥареи аԥ
ҳареи иаԥсаны, иагәадураны. Ус иҟоу афилософиатә
хшыҩзцарақәа умбарц залшом Ҭемыр иан уахи-ҽнытәи
дԥахны дызку лгәалашәарақәа рҿы.
1
Ажурнал «Аҟәа-Сухум», №2, 2021, ад. 22-23.
Аԥхьаҩ гәыраз, хыхь иазгәаҳҭаз ахшыҩҵак иацзыр
ӷызуа, абар даҽа ҿырԥштәыкгьы: «Ауаҩы зегьы дрықә
гәыӷуазароуп, ацәгьагь абзиагь, ааи, нан, ари аԥсҭазаара
ӡиасуп, аха аҵәаҟьеиԥш уҽанауҭа, нас уагеит, уахьам
ҵшагьы Анцәа итәуп. Унапы уҟьозар ауп, хәыҷык
унаԥш-ааԥшуазар ауп. Нас, нан, ажәлар урылагылазар
ауп, ԥсроума, бзароума, ҭахума, гәылоума. Ажәлар рус
ажәлар ирхьаауп, уаргьы ирласны иуцралозар ауп. Убри
амца уара уҿы шаҟа ирласны еибакуа аҟара, уабгьы
игәы ҭынчхоит, игәы раҳаҭхоит, нан… Ишԥааури, нанхәаша, амца мцала идырцәоит, уаб уизхәыц, уи дызҿыз
уазхәыц, ужәлар урызхәыц… уҩнрагьы ухоумыршҭын…
Сара сҳәара уҭахума, нан Баҭал, иара аԥсҭазаара ахаҭа
ублақәа хнатуеит, уажәоуп уанналагыла, макьана шьам
хашәароуп иахьузнеиуа!.. Нас уҷапан аҟынӡа ианнеилак, уаргьы уанаанымгылалак, угәаҵаӷара аҟынӡа, хәда
цәаҟынӡа, ула аахнаҩо, ухы инахыҵәо… Нас ауп аӡсара
анаҭаху, аԥсҭазаара-ӡӷьы уҽанауҭо. Уи ахы ахьхо акәӡам
аус злоу, уара уахьаго ауп, ушиашоу уцаны удәықәлауоу,
уааҳәуоу! Аус злоу ужәлар иахьрыхәо аганахь ухы урхароуп… Нан, нан, ус сгәы иахьамуа исҳәоит ҳәа уаб
дызқәыӡыз уашьҭамлозар узышьҭалои? Уи ушьа иала
лахьазар акәхап, уимоу, маӡалагь азхәыцра уалагозар ҟа
лап… Уабгьы ус акәын, убриаҟара иҵәахуан, убриаҟара
дахӡыӡон, убриаҟара… убриаҟара… Аус злоу, нан, уаб хәа
ша иаҟара аламыс улаз, уаҳа акгьы сҭахым. Егьырҭ зегьы
иара ахаҭа иузаанагоит, иара аламыс иацуп»1.
Хьыкәыҷ абаагәара еиԥш диқәгәыӷуеит лмаҭа бырфын Баҭал. Уи лакҩакрада агәра ганы дыҟоуп иԥсадгьыли
иуаажәлари рзын дҵоураны дышгылауа, иабиԥара
дшаԥсахуа. Избанзар, дызхылҵыз идаракәац зҩыдоуп,
агәаӷь цқьоуп. Амала, лара дзыцәшәо акызаҵәык
1
Ажурнал «Аҟәа-Сухум», №2, 2021, ад. 23.
ыҟоуп иаб еиԥш, илахьынҵа ицымныҟәар, еижьар ҳәа.
Убри азын есымша Анцәа ду диашьапкуеит илахьынҵа
имеижьарц, игәҭакқәа дрыхьӡаларц, иаб иеиԥш мҩаб
жара дықәнамырхарц. Ааи, аԥсҭазаара адиалектика убас
иссиршәа еиҿартәуп, иамоуп зкәал иҭымшәо ахатә
ԥҟарақәа. Урҭ рҿы, жәаҳәарада, ҳазшазгьы ихы алаир
хәуазар акәхап, илаԥшҳәаа иҵимыршәозар акәхап.
Хьыкәыҷ кыр зхызгахьоу уаҩык иаҳасабала, ари агәҭа
ӡыӡаара луазажәақәа рҿы баша иуԥылом, лдоуҳатә дунеи маӡа-аргама илыҵанаҳәогьы ыҟазар ауеит, Анцәа
ду иҿаԥхьа лыматанеирақәа ҵаҵӷәыдамзар ауеит.
Ашәҟәыҩҩы ифырхаҵа Хьыкәыҷ лымацара лакә
ӡам зыхшара ирыхӡыӡаауа, рынасыԥ бзиазы ихәыцуа,
гәыҵхас измоу. Ус иҟоуп, абацәа, анацәа реибаркыра
милаҭ еилых ҟамҵакәа зегьы ирзеиԥшу, ирҟазшьарба
гоу, ауаатәыҩса злеибарку феноменуп. Ус анакәха, Хьы
кәыҷгьы урҭ дырхаҭарнакуп, нахьхьынтә иаауа атипра
злоу, анра, андура хазырҭәаауа хаҿсахьоуп.
Аповест егьырҭ афырхацәеи аперсонажқәеи: Наҳар,
Баҭал, Кама, Фелдышь, Адашьал, Канашь, Мадина досу
зусҭцәоу, рхы-рҵыхәа, рыкәша-мыкәшатәи аԥсҭазаара
ишырныруа, ишахәаԥшуа, ажәакала, ишырхҭынхьаауа,
иарҭо ахәшьара, зегьы реиҳагьы рхы шаладырхәуа
уҳәа, инагӡа-аагӡаҵәҟьаны акәымзаргьы (уи азы уеизгьы-уеизгьы автор вба дук узиҭом, избанзар, епизод
ҟазшьа зларымоу ала, насгьы ашәҟәыҩҩы изыҵшьны
дыззаҭгыло, ҟазарыла иаԥиҵаз аповест ԥсыс иахоу
еибаркны изку Хьыкәыҷ лхаҿсахьа ауп). Ҳара иаабоит
афырхаҵа хада луазажәақәа ирыҵоу афилософиатә хәы
црақәа рҿы. Убри аҟнытә сишьҭрақәларц сҭахым, аԥхьаҩ
гәеилыҷҷа ихаҭа ибоит аӡәгьы диеиҵамкәа. Амала, Кама
лхаҿсахьазы ажәақәак сҳәар иахәҭаны исыԥхьаӡоит,
избан акәзар, уи аԥҳәызба қәыԥш ашьха ӡыхьеиԥш
ицқьоу, доуҳала еибарку абзиабара дасимволны аҩымҭа
дагәылыҷҷаауеит. Уи, жәаҳәарада, ланду Хьыкәыҷ илы
бзоуроу маҷӡам. Лыхӡыӡаара амацарагьы заҟа аҳәозеи,
аԥсуа жәаԥҟагьы иаҳәо аԥҳәызбеи аҵәцеи ҳәа. Аурыс
совет педагог ду В. А. Сухомлински (1918–1970) иакәзар,
абри уи азҵаара – аԥҳәызба қәыԥш ашьха ӡыхь еиԥш
ицқьоу лыбзиабара заҟа иҳаракны дахәаԥшуа: «Девушка, будь мудра и требовательна в любви. Любовь – горячее чувство, но властелином над ним должен быть разум, рассудок».
Аурыс ҵарауаҩ ари иҳәахьа сгәаладыршәеит Хьы
кәыҷ лмаҭа лышҟа, гәынхәҵысҭала акәзаргьы иҟалҵо
абжьгарақәа, насгьы, иага умҳәан, уи дқәыԥшми, ма
шәырк, гаӡарак лыхьыр ҳәа длыцәшәоит, длыхӡыӡаа
уеит. Уажәы анду Хьыкәыҷ ҳалзыӡырҩып: «Сара аны
шәахә, – лҳәеит гәаныла аҭакәажә ахәышҭаара дахьыҿ
ҳәатәаз, – Камагь ҟәрышьқәак лысымҭеижьҭеи иҵӡозеи,
Кама хәыҷ, Кама ԥшӡа! Ус сҳәеит ҳәа, уи шьҭа дхәыҷума,
аҷкәынцәа ааҵра иҵаргыланы ишлымоу, ахьҭа иарганы рԥаҵақәа ашьашьалқәа ҟарҵоит. Ааи, ааи, шьабысҭа
тәыҩак, шьабысҭа тәыҩак иаҟароу ашьашьалқәа! Ах,
бара саҩсҭаа хәыҷ, иахеижьҭеи знык сыбҿаԥшызшәа
сыҟандаз… Исымбаӡакәа аԥса хыцәқәеиԥш бҭарҭаруа
ибызҳаит. Убас ибызҳаит хшыҩлагь, ҟазшьалагь. Ах, бара
сдырганҵыхәа, абыржәшьҭоуп ианыбхылаԥштәу, бҵы
хәа аныктәу! Бҳамԥыҵԥраауа балагар, иааҳаркәкәит ауп
бҵыхәа! Бара макьана џьаргьы баҳзышьҭуам, уи ажәоуп
ҳәа бхахьгьы имааиааит. Иааиргьы, иҭца наҟ, идәылца,
аимаа аӷьычра здыруа аласба еиԥш! Бара анасыԥ бзиа
аԥыҩлара башьҭамлан. Уи бара иԥшӡоу ахы ақәыршәны
илышьҭазаауеит! Аус злоу, убри аҿҳәара адырроуп,
иагьаахатәым, иагьнахатәым»1.
Ааи, аԥсҭазаараҿы аԥшӡареи ацқьареи (доуҳалагьы,
мораллагьы) рҭакԥхықәра ҳаракуп, ахаҳәраҳа еиԥш
1
Ажурнал «Аҟәа-Сухум», №2, 2021, ад. 39.
ихьанҭоуп, есымша улаԥш ахызароуп, еиҳарак, аҭаа
цәара иаламлац, зынасыԥ еилазымҵаз, зқәыԥшра иҭа
гылоу аҿар (аҭыԥҳацәеи арԥарцәеи) ианрыҵанакуа аам
ҭазы. Араҟа аҟәыӷара аҭахуп, даҽакала иуҳәозар, ацәа
нырра аҵкыс ахшыҩ аԥыжәара амазароуп.
Абас еиԥш иҟоу ахшыҩзцарақәа рыла еибаркуп ан
ду Хьыкәыҷ абзиабара иазку лыгәҭахәыцрақәа. Ииашоуп, уи конкретла, мамзаргьы нацәақәкыла иугозар
лмаҭа Кама лзоуп изылҳәо, аха иара убранӡа иҵаулоу ах
шыҩҵак аҵоуп, егьырҭгьы Кама лықәлацәа ақәыԥшцәа
гьы аҵанакыртә, иархәыцыртә, рхаҿы иааргартә аҟынӡа.
Абзиабара изыхьчо, еиҿызкаауа ииашаны амҩа иқәы
зҵо алеишәа џьбарагьы ацзароуп. Еиҭаҳгәалаҳаршәапи
В. А. Сухомлински иҳәхьа: «Там, где есть строгость и требовательность женщины, девушки, юноша становится
настоящим мужчиной».
Анатоли Лагәлаа ипоезиатә, ипрозатә рҿиамҭақәа
ирыхцәажәахьоу аӡәырҩы ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳҵарауаа
инаҵшьны иазгәарҭахьеит ашәҟәыҩҩы имыруга хада
– ибызшәа шыцқьоу, еиҭарсшәа иуҳәозар, Ԥанаи ԥагьа
акалҭ аҿы ишьҭоу ашьха ақыҭа дышиз, дшааӡаз ҩа
шьом, насгьы иҩымҭақәа уанрыԥхьо. Аимара иамоу
адоуҳацқьа шырныруа умбарц залшом. Аповест абыз
шәазы уаҳа салалом, уи даҽа темак аҿы инарҭбааны
салацәажәар сҭахуп, аллаҳ исаҭәеишьозар.
Ишдыру еиԥш, иарбан сахьаркыратә ԥҵамҭазаа
лакгьы, иаанамхәар залшом ԥсыҽрақәак, гхаԥхақәак,
урҭ уиаҟара зҵазкуа ракәым, аҩымҭа ахаҭабзиара иза
ԥықәсылом, уимоу, аԥхьаҩгьы ианизгәамҭо ыҟоуп. Аха
зегьы акоуп, ихәыҷы иду, авсра аҭахым, ажәа сахьарк
аҳаҭыр азы мацара акәзаргьы, аӡбахә ҳәатәуп.
Сыззааиуа, абриаҟара исгәарԥханы сзыхцәажәаз
Анатоли Лагәлаа иповест аҿгьы угәы еихьызшьуа, автор иҟаимҵандаз ззуҳәаша, акык-ҩбак гхақәак аҟәну
баалоит. Иаагап, зегьы раԥхьаӡагьы аҩымҭа афырхаҵа
хада Хьыкәыҷ лхаҿсахьа. Уи акырзбахьоу, изхызгахьоу,
ԥсабарала иҟәыӷоу, аԥсҭазаараҿы аԥышәа змоу аӡәы
лакәны, насгьы ҳлитератураҿгьы иҿыцу атипра злоу
хаҿсахьаны автор даԥиҵеит. Амала ари аԥҳәыс бырг
«атитул» аҭакәажә амыцхә илхьынрҳаланы ахархәа
ра амоуп. Ииашоуп, дҭакәажәуп, мап узлызкуам, аха
инеивга-ааивганы ахархәашьа аман, иаҳҳәап, лыхь
ӡҵәҟьа Хьыкәыҷ зумҳәари, уи адагьы, дануп, дандууп,
дыԥҳәысеибоуп, ухы иаурхәаша ахьӡқәа ыҟами. Ладрес
ала аҭакәажә ажәа анымыцхәхалак, акы лара дланар
ҟәуашәа убоит, угәы дрыцҳанашьоит. Иара усгьы арыц
ҳарақәа дызхаанхаз заҟа ыҟоузеи!
Убри ахыхьгьы лгәалашәарақәа аӡхыҽҽеиԥш ихы
ҵны илеиуа, зны-зынла аагыларҭак (паузак) рҭахызар
еиҳа еиӷьзар, аԥхьаҩ иԥсы еиҭкрак аҳасабала, ҟаларын.
Ҵабыргуп, араҟа автортә хьаҵрақәа ацхыраара ахьы
ҟарҵо ыҟоуп. Аха уи азымхозар?
Насгьы, лыҷкәын Ҭемыр иҭоурых, ихы зқәиҵаз (уи
милаҭ зҵаароуп) иҵегьы ицәыргазар ауан, ихырҩацәеит
ангьы авторгьы, идырмаӡацәеит. Еилкаауп, ан лгәырҩа
хьанҭа артытра, ҿыц алацәажәара шылцәыхьанҭоу, дшеилнашьаауа. Аха аԥхьаҩ ан лԥазаҵә (Ҭемыр еиԥш иҟаз
апатриот) иҭоурых адаҟьақәа рызҿлымҳара шиҭаху,
интересс шимоу, насгьы амилаҭ хьыԥшымразы иҭахаз
злаиакәу уҳәа убас иҵегьы.
Арҭ агха ссақәа автор ихаҿы иааигозар, аиҭаҭыжь
раан ихы иаирхәар ауеит.
Аҵыхәтәан исҳәоит, аԥсуа сахьаркыратә литература иаланагалахьоу ихатәроу аҩымҭақәа акы ҳәа инарывагылеит Анатоли Лагәлаа иповест «Уԥсы схумбаан,
сыҷкәын!».
2021 ш.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
- Büleklär
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3544Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3625Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3481Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3557Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3558Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3377Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3530Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3530Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3545Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1346Unikal süzlärneñ gomumi sanı 10140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.