Latin

Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 08

Süzlärneñ gomumi sanı 3494
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
лызуа, дахьцалак длыцрымшәо лнапы кны длыцуп,
илаԥш иааҵашәо зегьы дрызҿлымҳаха.
Владимир Басариа аҩада зыӡбахә сҳәаз ифырхацәа
рхаҭақәа иалкааны роль дук уаҩы ибартә, иаҳартә ирымамзаргьы, урҭ егьырҭ аҩымҭа афырхацәа хадақәа
ируа, ирҳәо, ицо ахҭысқәа ирыдҳәалоуп, реидҳәалара
мацара акәымкәа рхаҿсахьақәа ргәылҭәаараҿы ацхыраара ҟарҵоит, хаҳара злоу хәҭаҷқәаны иҟоуп, уи ахыхьгьы иахьатәи ҳаамҭа уадаҩи аҿареи ишахаҭарнакцәоу
еилых­ха иубоит, иҳәаақәызҵо зеиԥш гәыцк рыманы.
Аԥышәеи аҟыбаҩ ҷыдеи змоу ашәҟәыҩҩцәа зегьы
реиԥш, Владимир Басариа дазҟазоуп ипрозатә (идра­
матургьиатәқәагьы убрахь иналаҵаны) аҩымҭақәа ҩну­
ҵҟала реиҿартәышьа ҳәаақәызҵо, изырӷәӷәо, рсиужет
рфабулаформала игәцаракны рыцклаԥшра. Избанзар,
асахьаркыратә ԥҵамҭа аԥхьаҩ игәаԥхо, дыхнахуа иҟазҵо
афеноменқәа ишыруаку идыруеит. Сыззааиуа, ароман
«Ашәалҟьамра» уи аганахьала автор иааимоурыҽ­хәа­ртә
иҟаҵоуп, зегьы шамахаӡак акәымзар, досу (ихҭысума,
ихаҿсахьоума) иахьырҭыԥу игылоуп, ианраамҭоу ицәы­

р­ҵуеит, ируа, ирҳәо иақәшәо, мыцхәрак, ҵахәрак ры­
лам­кәа, ихибарҭәаауа. Иҵегьы уазааигәаны иуҳәозар,
ароман аҿы иаабо, иаҳаҳауа ахҭысқәеи, ахаҿсахьақәеи,
аҟаларақәеи еиԥхьытта, рхи-рҵыхәеи, рыгәҭеи узеилмырго акәымкәа, еихшәа-еизшәа хронологиатә фор­­
мала еишьҭаргыланы иааԥшуеит ароман аҿы ицо аԥс­
ҭазаара инагӡаны. Абраҟа автор ифырхацәа ирых­ҭын­
хьааз ахьтә имаҷӡам аԥхьаҩгьы изааигәо ицеиҩишо,
игәаладыршәо, дзырхәыцуа. Уигьы аҩымҭа ахаҭабзиара
ҳа­разкуа афакторқәа ируакуп.
Ишдыру еиԥш, асахьаркыратә ҩымҭа аформагьы,
аҵакгьы, ахшыҩзцарагьы асиужет еилыҷҷагьы уҳәа
егьырҭ апоетикатә хархәагақәа иара азы ишхым­ԥа­
датәиугьы, уи ада ԥсыхәа шыҟамгьы, зегьы ирыцкы­
хадоуп излаку, исахьаркны аҿы зырцәажәо – иара
ахаҵкы абызшәа. Ааи, абраҟа ауп аҩымҭа аԥсы ахьҭоу.
Ама­ла, уи иамоу адоуҳатә ԥсымчхара ду аарԥшра зыл­­
шо азҟаза иоуп. Ара ас шакәу зегьы еицырдыруа ла­
цәа­жәа зҭахым аксиомоуп, сара инымҩатәшәа ис­гәа­
ла­зыршәаз сзыхцәажәо ашәҟәыҩҩы ашьха ӡыхьеиԥш
ицқьоу ибызшәа ауп. Дарбан аԥсыуа шәҟәыҩ­ҩзаа­
лакгьы иҩымҭа санаԥхьо, астатиа азысымкуазаргьы,
срызҿлымҳауп ҳбазшәа иамоу абеиара ахархәара зеи­
ԥшроу, иҳәоуқәа рыртәашьа, асинтаксис аԥсабаратә
ԥҟа­­рақәа иахьынӡарықәныҟәо, адиалогқәеи автортә
хьа­ҵ­рақәеи рҿы ажәаԥҟақәеи афоризмқәеи ишаласоу, ишанраалоу, аепитетқәа, аиҿырԥшрақәа иобиект
– ахҭысқәа, ацәырҵрақәа, ахаҭарақәа – исахьаркны
рҩы­чараҿы ибаҩхатәра заҟа алиршаз уҳәа убас иҵегьы.
Акри­тик, литератураҭҵааҩык иаҳасабала, ус саауеит
аханатә.
Аԥсуа литература аклассикцәа аӡәырҩы рыԥсадгьыл
хәыҷы – Кәытол ақыҭа ииз, иааӡаз, ауаҩы, ашәҟәыҩҩы

ибызшәа хьысҳахар ауазма! Ус анакәха, Владимир Басариагьы абрахь даҵанакуеит зышьҭа-мҭа ӷәӷәоу абри
традициа. Аԥхьаҩ ухаҵкы, хыхь исҳәаз сахшыҩзцара­
қәа арҵабыргразы араҟа салагом аҩада сзыхцәажәаз
автор иҩымҭақәа рҟынтә аҿырԥштәқәа раагара, мацара ароман «Ашәалҟьамра» аҟнытә сналс-ҩалсны
имыр­рацәакәа иазгәасҭоит сгәаанагара шаҳаҭра рзызуа
фактқәак. Амала, уажәнатәгьы исҳәоит хыхь зыӡбахә
сҳәаз апоетикатә хархәагақәа Владимир Басариа ишәа­
ны, изаны, дреиҷаҳаны ихы ишаирхәо, даҽакала иуҳәо­
зар, ахаҿсахьақәа рҩычараҿы имкьыкьны иҟамларц
азын, ашәыга мыцхәы ихы ишаимырхәо, досу иртәы­
шьҭроу аҳәаақәа ишырҭеигӡо уҳәа убас иҵегьы. Абар
ҿырԥштәқәак:
«Ари аҽны арҭ аҩыџьа рзын аҽа мшык еиԥшымызт.
Зынӡа илашан, иаарыкәыршан акәзар иԥшӡаран. Амра
убас иԥхон – иагьмыршцәакәаны, ахьшәашәарагьы
ыҟа­ӡам­кәан. Изықәтәаз асқам хәхәа ашәыгақәа рыԥш­
шәы цахьан, иамышәшәаны икаԥсахьазгьы ыҟан азы,
аҩа­зара ахубаауан».
– Абас ахы акуеит ароман «Ашәалҟьамра». Аԥхьаҩ
ишубо еиԥш, автор ҳәоуқәак рыла илшеит аԥсабарагьы
асахьа аҭыхра, еиԥылозгьы ргәы шыхыҭхыҭуа иахьатәи
амш дара рзын даҽа мшык ишеиԥшым, абзиабара
иҳәынҷаны ишамоу аарԥшра. Ашәҟәыҩҩы, ҳәарада, абри
епизод хәыҷы иҵегьы ирҳәоу-ԥшьоуны дахцәажәар,
иааирыԥшыр, аха уи ус дымныҟәеит, еиӷьишьеит, ароман астиль злаҟоу ала, ихадарақәоу ралкаара, егьырахь аԥхьаҩ иҭахызар, ари асахьа иҵегь инарҭбааны
дазхәыцыртә, ихаҿы иааигартә алшара имоуп.
Абар заҟа дақәшәаны рсахьа ҭихуа (еиҿгәыҳәаауа
бзиа еибабо) ифырхацәа Назиреи Шьрыфи: «Шьрыф
дҩагылеит дыҵәрышкәаӡа, иҽынеиҵыхны ишизҳара

изҳаны дыҟан. Ихаҿы гьежь агәазыҳәара аныԥшуан.
Уи иаанагоз, иарԥысра мацарагьы акәымкәаны Назиреи иареи реицәажәарагьы дарлахҿыхуан. Рҩыџьагьы
анааидгыла, аура ҭбаралагьы еиԥшны ибон анаԥшҩы
дрымазҭгьы. Ларгьы дкалаӡа, лӡара еихатыруа, дшаҟь­
шаҟьо дыҟан. Иахьынеихәаԥшуаз, абзиабара иамҽ­
ханакны рыблақәа еицыччон. Аиԥырҵра ишахымццакуаз мҩашьо, ццакырак-ццакырак рнубааломызт. Амрагьы шәыццакы ҳәаны илбаауазшәа инҭагьалахьан.
Арҭ уажәы изҭагылаз апарк, иҵегьы ихәло иалагар, аҿар
реиԥыларақәа сырзыԥшуп аҳәарызшәа аҽарԥшӡон,
ааԥынтә ашәҭыцқәа аҿа ахьылыргоз азы».
Араҟагьы иубоит автор заҟа дақәшәаны ажәа кьаҿ­ла
иааирԥшуа ифырхацәа рхаҿсахьақәа. «Дыҵәрышкәа­­ӡа»,
«дкалаӡа», «лӡара еихатыруа», «рыблақәа еицыччон»
уҳәа арҭ реиԥш иҟоу аметафорақәа ашәҟәаҿы иҭихуа аобиект ахаҿсахьа гәылҭәааны, улаԥш рыдхало иҟарҵоит.
Шьрыф Џьгәыз Назира лзы ииҳәаз ажәа бааԥсы игәы
лцәыԥсны дшыҟаз аиаша анеиликаа, лара хаҵа дыш­
цахьазгьы, дшеибахахьазгьы аҿара иахылҵыз дар­
ҭаслымыртә аҟынӡа амч аманы иҟалеит. Убри атәы
ауп абраҟагьы иаабо: «Шьрыф дышьҭалеит дыцәарц,
ашьыжь дгылар Назира дахьыҟазаалакгьы диԥшаарц
ӡбаны. Аха ҭынч ацәара ҳәа акгьы изыҟамҵеит. Илацәа
нҭаацыԥхьаӡа «сызхашҭырц иаҿыз Шьрыф уоума?» ҳәа
Назира дааиҿагылон, аҽазны – «Сара усхашҭит!» – лы­
лақәа ҵырхәны днаихәаԥшуан: аҽазных – «Даҳ хәыҷы
дахьсымоу аума угәы иалоу?» – лҽыргәааны зымҩа
хара дыԥшуан. Ацәылашара иаҿын, илацәа анҭаауазгьы
«иухашҭыз сара!» ҳәа лылаӷырӡқәа аауазшәа ибон.
Дааи­ны апарк аҭыҵырҭаҿы дааиҿагылеит Џьгәыз:
«Мыц­ла иуасҳәаз азы саҭоумҵан, сара дысҭахын Назира, аха слаҭәалымшьеит, лгәаӷ аҟынтә ауп иҟам-иным

зыл­зысҳәа!!!» - иҳәан ашьшьыҳәа адгьыл дныҵабеит.
Иара дыҭрысны дааҿыхеит. Ииарҭа днылҟьаны диа­
шахәҵәаӡа даагылеит. Ихы ндәылырҳәҳәаны мрагыларахь даныԥшы, амра гыланы ажәҩан инкыдлахьан.
Џьгәз уҭамхакәа сааухьӡазҭгьы…» – гәаныла даама­
қарын, ифицармаҭәақәа рыла иҽааилаиҳәеит. Дахьы­
шьҭаз иааилаԥаҭашәа иҟалаз ихахәы ахҳәала аҩада
инықәиҳәан, ихылԥа ихеимҵаӡеит. Уаҳа дмыԥшӡакәан
ауп иуада дшындәылҟьаз».
Владимир Басариа ироман «Ашәалҟьамра» (иара
убас егьырҭ иҩымҭақәа рҿгьы) аҟны аԥсабара аԥшӡара
аазырԥшуа исахьарку аҭыԥқәа ыҟоуп. Урҭ апеизаж
сахьақәа реимадара раԥхьатәи рнапынҵа – аԥсабара
аԥшӡара аҭыхра ишазкугьы – инарыгӡоит даҽа ролькгьы.
Уи афырхацәеи ахҭысқәеи рхаҿсахьақәа гәылҭәаны
раарԥшра ауп. Абри аус ԥшьа аҿы урҭ – цхыраацәоуп,
аԥсабареи ауаҩи наҟ-ааҟ еимаздо, еизааигәазтәуа акы
акәны иубоит.
«Ашәалҟьамра» иҵегьы актуалра аманы иҟазҵо
афакторқәа ируакуп иаҳхаагаз аибашьра (1992-1993)
ашьҭахьтәи иуадаҩыз, аха гәкаҳара зҵамыз, иҵоураз
рыԥсҭазаара ахьаанарԥшуа. Иашоуп, ифырхацәа зегьы еиԥшны иҵоураны, хҭак еицҭадыршәуа имхәы­
цуазаргьы, иаарыкәыршаны иҟоу аԥсҭазааразы ргәаа­
нагарақәа еиқәымшәозаргьы, рыԥсадгьыли рыжә­лари
уаҵәтәи алахьынҵеи рзы рхы-рыԥсы еигӡом, гәад­у­
рас ирымоуп аԥсуаа бџьармцала иааргаз аиааира ир­
наҭаз ахақәиҭра! Убри абираҟ аҵаҟа ҩаԥхьа рмилаҭ
ҳәынҭқарра аргылара иахьаҿу насыԥ дуны ирыԥхьаӡоит,
ирықәыӷәӷәо ауадаҩрақәагьы рыҽрырҭом, иаиааирц
иқәԥоит агәрагара рыманы.
Владимир Басариа иҩымҭаҿы зхаҿсахьа ҭихыз ауаа
доуҳалагьы иӷәӷәоуп, раԥсуарагьы иахьынӡарылшо

иҳа­­ракны иркуп, нцәахәык еиԥш ирыԥхьаӡоит, иам­
ҵа­хырхәоит. Насгьы, иубоит аҿиара иатәу анасыԥ лашаазы ақәԥара шрылшо. Иаҳгәалаҳаршәап Назиреи
Шьрыфи ирхҭынхьааз иага ауадаҩрақәа рхыргазаргьы
аҵыхәтәан аԥхьаҩ агәра игоит урҭ рынасыԥ шеиларҵо.
Ирацәоуп ароман афырхацәеи уи излаҩу абызшәеи
рыбзарӡы азын иҵегьы уззааҭгылаша, иуҳәаша, аха
аранӡа иҳәоу азҳархап.
Ароман «Ашәалҟьамра» аҟны уеизгьы-уеизгьы абри
абриоуп ҳәа уҿкынҵаны узышьҭалаша агхақәа убом,
ирцәыхьчоуп. Асиужет аиҿкаашьеи, ахаҿсахьақәеи, ах­
ҭысқәеи, реибаркышьеи, реимадашьеи ароман ажанр
ишаҵанакуа еиԥш еихшәа-еиԥшәа еинраалааны иҟа­
ҵоуп, абызшәа акәзаргьы, ицқьоуп, аҳәоуқәа инеилышь-ааилышьны акәымкәа имарианы, аха асахьаркра
рыгымкәа. Абарҭқәа зегьы еиҭасҳәоит, аҩымҭа ҟар­
ҵоит аԥхьаҩ игәы иахәо, даднаԥхьалартә еиԥш. Аха,
абас шакәугьы, уаҟа иуԥылоит иҵегьы изызхәыцшаз,
изызхьаԥшышаз ҭыԥқәак. Ҳәарада, урҭ маҷуп, насгьы имариаӡаны зыриашара алшо роуп. Убарҭ рахьтә
раԥхьаӡа зыӡбахә уҳәаша иреиуоуп Назиреи Шьрыфи.
«Уи сара уахык шаанӡа дсыман!» – ҳәа Џьгәыз ииҳәаз
ажәа бааԥсы. Ҵоуп, уи зхиҳәааз еилкаауп, иара бзиа
дахьибоз, дахьатәалымбаз, дахьыҟәнылшьаз ауп. аха
абасҟак длыҿгәыҳәааны бзиа дызлеибоз ала Шьрыф
иаҳаз дашьҭаҵаар акәын, лара рҿы днеины длацәажәар
акәын. Ус ҟамҵакәа, Нану лгәаныла дкәашон ҳәа, шыр­
ҳәо еиԥш, длызгәааит, дылԥырҵит. Лара Назира дыз­
ҿынҵәаауа, дзыхирҟьаз лыздырӡом. Маӡа абзиабара
амца лыцраланы дбылуеит, илыхьыз игәнылгоит. Иаргьы уи длеиҵамкәа лара лыбзиабарала абылра даҿуп.
Арахь аҩыџьагьы изеигәнымҩит. Араҟа Шьрыф ивыубауа ыҟоуп, уи иакәын иаҳаз ажәабааԥсы амцреи аҵа­

быргреи аилкаара зыхәҭаз. Иара лара Назирагьы сзы­
хурҟьои ҳәа лхы дазҵаар акәмыз. Уи ацынхәрас ҿым­
ҭӡакәа игәынго, ихьааго дтәоуп.
Ҵабыргуп, аԥсуа ԥсҭазаараҿы аԥҳәызбеи аҵәцеи
рҳәоит. Убри аҟнытә аԥҳәызба ахҳәаа лыманы, ихьым­ӡӷу
хьӡык лыхны иага дынцәахшазаргьы, арԥызба ԥҳәысс
дигомызт, ибӷа анаԥшцәа кыдирччаломызт. Уи­моу, дигаргьы ус иҟоу лыҩныҟа диргьежьуан. Ари иџь­бараз қьаб­
зын аԥсуа ԥсҭазаараҿы. уи иқәныҟәаны иаа­уан, иаауеит
иахьагьы амч аманы. Абри аганахь ига­ны уажәаԥшуазар,
Шьрыф диашан. Аха иаҳаз ажәа ҟьала имцу иҵабыргу еиликаар акәын аҩыџьагьы реи­ҿаргылара ала.
Издыруада Џьгәыз ииҳәаз ажәаҟьала аилкаара Шьрыфи Назиреи автор изашьҭеимҵаз ароман ԥхьаҟаәи асиужет аҿиара иаԥықәсылоит ҳәа дазхәыцзаргьы ауеит.
Аха даҽа ԥсихологиатә фактла дахәаԥшуазар, ианаалоз
«цаԥхақәак» азыԥшаазар еиҳа еиӷьын аҩымҭазы уажәы
ишыҟоу аасҭа.
Назира раԥхьатәи лхаҵацара атәы ҳҳәозар, маҷк
аҟара агәынамӡарақәа цәырнагоит, избанзар, акы, Наур
дрыцҳашьаны (дахьхымхәахаз азы) диццашәа ҟалеит,
бзиабара дук уаҟа уаҩы ибом. Иашоуп, лҩыза Сырма
лхы лыршаҟәеит Шьрыф дшиҭахым агәра ллыргарц,
лна­паҿы дагьаалгеит, дақәшаҳаҭхеит Наур иццара.
Абраҟагьы маҷк автор дацклаԥшыр ауан лхаҵацара.
Еилкаауп, абзиабареи аҿареи лымч дмырхазар ауеит, аха
аԥсуа қьабз ала абхәеи, анхәеи, аҭацеи реизыҟазаашьа­
қәа ухаҿы иааугозар, Назира дыццакцәеит, автор иакәу
лара лакәу изхароу узеилымкаауа.
Асахьаркыратә ҩымҭаҿы афырхацәеи аперсонаж­
цәеи рыхьӡқәеи рыжәлақәеи кырӡа рыҵанакуеит, аԥ­
хьаҩ иҵарҳәо рацәоуп, еиҳарак иҵоуроуи иҵоурами
рхаҭашьатә ҟазшьақәа рҷыдарақәа раарԥшраҿы. Убри

азоуп ашәҟәыҩҩцәа жәынгьы ҿангьы абри азҵаара
рҩымҭақәа рҿы игәцаракны изрымоу, хшыҩзцара зазыруа. Ус шакәу аҿырԥштәқәа раагара салагом, зегьы
ирдыруа акоуп.
Изхысҳәаауа, абри азҵаараҿы иаҳгәарԥханы ҳзых­
цәажәо ароман аҿы иаабо афырхацәеи аперсо­нажцәеи
аӡәык-ҩыџьак рыхьӡқәеи рыжәлақәеи рацәак гәахәара
урҭом, избанзар, аԥсуа цәа рхукааӡом, ихыҭҳәааушәа
иҟоуп, ма ирхәанчоуп.
Иаагап ҿырԥштәқәак: Шьрыф (аԥсуа хьӡы ҟаимаҭ)
агыруа жәла Гәулуа зиоури? Даԥсаӡами аԥсуа жәлак?
Џьгәызгьы аԥсуа хьӡуп, аха изхәарҭоузеи ижәла Қардуа
агыруа хҵәахахеит. Назира лҩыза Сырма зеиӷьаҭам
аԥсуа хьӡы лымоуп. Аха иабаҟоу лыжәла Лаҟәануа иԥ­
хасҭанатәуеит. Ари ажәла иагьаԥсуам, иагьагыруам,
ихәыцу акоуп ҳәа иуԥхьаӡартә ахы унарбоит.
Сара араҟа зыӡбахә сҳәаз гхақәак акы, зыриашара
мариоу роуп. Ҩбагьы, автор ироман аҿы хазы шәҟәны
ианҭыҵуа (ԥшӡала уи аамҭагь харам), дазыразызар ихы
иаирхәап ҳәа ауп.
Аԥхьаҩ ухацкы, сара сацәымаашьо исҳәоит Владимир
Басариа ахәбатәи ироман «Ашәалҟьамра», иажәанҭыҽха
иқәҿиаз акы акәны аԥсуа романқәа рҭаацәара ду ишалалаз, излиааз аамҭеи уи иахаану аҿари рҿахәы аҳәауа.
Аҵыхәтәан сыстатиа хсыркәшоит анемец философ
ШопенгауерАртур иҳәахьала: «Большая часть человеческого знания во всех отраслях существует лишь на
бумаге, в книгах, – этой бумажной памяти человечества. Поэтому лишь собрание книг, библиотека является
единственной надеждой и не уничтожаемой памятью
человеческого рода».
Абарҭ афилософ иажәақәа иахьагьы наҟ-наҟгьы рҵа­
кы мыӡӡакәа хәарҭара рыманы иаанхоит, уимоу, ашә­

ҟәқәа рбар ацәа иакуагьы арлахҿыхуеит, иры­ҵа­наҳәо
рацәоуп. Ауаатәыҩса рыхшыҩ иарҿиаз аар­трақәа,
адыр­рақәа ақьаад иалху ашәҟәы ауп абиԥарақәа рзыеи­
қәзырхо. Убри аҟнытә ашәҟәы уи нхарҭас иамоу бзиа
иаа­бароуп абиблиотека. Иаабалароуп, иҳахьчалароуп
ауаатәыҩса ирыхшыҩҭраны излаҟоу ала ҳахәаԥшны.

Амилаҭ аҿахәҳәага

2021 ш.

«И

ахьатәи амш, 27 ԥеруал, ҳара аԥсацәа ҳзы
даара мыш дууп, ныҳәоуп, аныҳәақәа зегьы
иреиҳауп: иахьа иҭыҵит, иахьа уажәраанӡа аԥсышәала
иҟамлаӡацыз аԥсуа газеҭ «Аԥсны» ҳәа хьӡыс иаманы.
Аԥсышәала аҩреи аԥхьареи иҟаижьҭеи абар 60 шықәса
ҵырцы иагьагым, аха аԥсышәала ԥсыуа газеҭк иахьа
уажәраанӡа иҟамлацызт, иҭымҵыцт, иахьа убри ҳаут.
Аԥсацәа ражәа иалоуп: «Амш ҽаԥарак аҟара иаз­
ҳаит» ҳәа, убас ҳаргьы «ҽаԥарак» аҟара ҳаԥхьаҟа ҳнеи­
хьеит иахьа. Шьҭа Анцәа иҳәуазар ҳмыӡыр ҟалап, ари
аус ҳхы иаҳзархәар. Шьҭа аԥсацәа, лада шәыҟа, ҩа­
да шәыҟа шәҽеидышәкыл ари «Абираҟ» аҵаҟа. Ари
бираҟуп ҳара ҳзы.
Аҩреи аԥхьареи здыруа аус жәыула шәеиҵамхакәа,
аԥхьареи аҩреи ззымдыруа ауаа шәырзаԥхьала, убас
аҵара змоугьы, аҵара змамгьы шәымч еилаҵаны
шәхы иашәырхәа, ажәабжь неимыжәда, ауаа аԥхьареи
аҩреи, аԥхьареи, аҵареи рахь рхы шәырха, ацәгьарақәа
ирыԥшәырҟәҟәаала агазеҭ ажәала, акьыԥхь заархоу
ажәала.
Ишәыгуи, ишәыбзоуи, ишәзеиӷьхашеи, шәзыргәам­
ҵуеи неибышәҳәала, шәеибарҟазала, абзиарахь аӡәык
иеиԥш шәнапы еибаркны шәеибагала.

Дарбанзаалак иуалуп иуаажәлари иԥсадгьыли рҭоу­
рых идырразы. Уи здырындаз згәахәуа идыруазароуп иара бзиа еилиргауа абызшәала аԥхьареи аҩреи.
Ажәларқәагьы зхатәы аҩреи аԥхьареи змам, урҭ жәлары
наӡас рхы рзыԥхьаӡом, урҭ намӡа-ааӡоуп, милаҭ бжоуп,
мыч рымам, нагӡара рымам, иахьа иҟазаргьы, уаҵәы
зхатәы аҩыреи аԥхьареи здыруа, аҵара змоу ажәларқәа
ма хаала, ма мчыла ирыламлар ԥсыхәа рымам, нас
рхатәы бызшәа рхашҭны, рҵас бзиақәа кажьны, атәым
уаа излалуа рбызшәеи рҵаси шьҭырхуеит, убас ала урҭ
ирылаӡҩахоит, егьышнеиуа ирылаӡӡоит.
Абасоуп ажәытә иҟаз амилаҭ хәыҷқәа иахьа иҟам
ҳәа иҳаԥхьаӡақәо шықәӡааз. Убри аҟнытә аԥсацәа зегьы аҵара злаҟалара аус шәашьҭал, шәаԥхьаҟа шәцар­
ци егьырҭ аҵара змоу ажәларқәа шәрыламӡырци
шәҭахызар»1, – иҩуан Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа
адунеиаҿ раԥхьаӡа акәны акьыԥхь збаз аԥсуа газеҭ
«Аԥсны» актәи аномер аҿы.
Усҟан акәым иара иахьагьы угәы мхыҭхыҭкәа, акәиц
еиԥш иуцрамлакәа ухаҿы иузаагом абраҟа иҳәоу,
лоунытә узырхәыцуа, умилаҭ хдырра зырҿыхо ах­шыҩ­
зцарақәа. Ҳ-Дырмит ду ижәлар гәҭыӷьӷьала ихы рықә­
кны иҳәеит аҩреи аԥхьареи зхатәы бызшәала иззымдыруа, зхатә кьыԥхь змам, зҵареи злитературеи ыҟам
ишыԥсынҵрыдоу, иҟаӡамшәа ишаныӡаауа.
Абри раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» ауп изхылҵыз
иахьа шәышықәса ирҭысыз «Аԥсны ҟаԥшь». Уи адәы­
ш­кәаӷь иқәымиааит, иара аԥхьа Аԥсны ақырҭуа мен­
1
Агәылҩаа аагоуп аҵарауаҩ У. Ш. Аҩӡба еиқәиршәаз
аԥхьажәеи азгәаҭақәеи зциҵаз агазеҭ «Аԥсны» (1919–1921 шш.,
Аҟәа 2006 ш. иҭыҵыз ашәҟәы аҟнытә иаагоуп. Ад. 16. Ажәақәак
уажәтәи аҩышьа ԥҟара иақәымшәо аоригинал аҿы ишыҟоу иааныжьуп. – Р. Қ.

ше­викцәа ишьагьуа, амца аркуа ианалаз аамҭазы Дырмит дуи уи ицнагаҩцәеи – С. Ҷанба, Д. Аланиа, М. Лакрба… – ирыбзоураны зҭыҵра иалагаз, раԥхьатәи аԥсуа
газеҭ «Аԥсны» аҟнытә иаиоуз, инаҭаз рацәоуп. Зегь
раԥ­хьаӡагьы рыӡбахә умҳәар ауам уи ицәырнагаз,
аԥсышәала аҩра иалагаз авторцәа ҿарацәа. Убарҭ иреиуоу рахьтә иаҳгәалаҳаршәап ԥыҭҩык: М. Чалмаз,
Д. Аланиа, М. Лакрба, Ш. Аимхаа, Л. Шамба, П. Шьаҟрыл,
К. Шьаҟрыл, Н. Патеиԥа, А. Шьакаиа… Араҟа зегьы сзеи­
қәыԥхьаӡом, астатиа амҽхаки аҵаки исылдыршом.
Егьирахь, аԥхьаҩ, ухаҵкы, урҭ ауаа – Дырмит Гәлиа
иарӷьажәҩаны ивагылаз – зусҭцәоуи агазеҭ «Аԥсны»
аҭоу­рыхи ирызку аинформациеи аилкааи уоуеит, иу­
ԥыхьашәан, насгьы аамҭа уоуны узаԥхьозар, сышәҟәы
«Ҳара ҳазҽеихар…» ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара», Аҟәа –
2002 ш. иҭыҵыз аҟны.
Аԥсны аҵеи ду Дырмит Гәлиа ишәҟәы «Ажәеин­
раа­лақәеи ахьӡыртәрақәеи» ҳәа хьӡыс изманы Қарҭ
1912 шықәсазы иҭыҵыз аԥсуа сахьаркыратә литература шьаҭазыркыз аамышьҭахь иҟам ҿыц аҩыҵхахареи
аҽеибыҭареи иаҿыз ҳсахьаркыратә литературахь аҿар
хьазырԥшыз, уи абзиабара амцаԥшь еиԥш идзыр­кыз
аполитикатә аамҭа бааԥсы иалиааз, жәлар рҿахәҳәага­
ны, ишьаҭамырӡганы иҟалаз раԥхьатәи аԥсуа милаҭ
газеҭ «Аԥсны» еиԥш даҽакы. Ус шакәу имҩашьо ибоит
агазеҭ «Аԥсны» аҭоурых мҩа ианыԥшылалак. Уи ицәыр­
нагеит иахьа гәадурас иҳамоу, ҳлитература аҳәаақәа
зырҭбааз, ахьӡ-аԥша хара инаҩыртә иҟазҵаз ҳашә­
ҟәыҩҩцәа аӡәырҩы. Убарҭ рыхьӡынҵаҿы иҟоуп: Самсон Ҷанба, Миха Лакрба, Иуа Коӷониа, Ӡаӡ Дарсалиа, Му­
шьни Аҳа­шба уҳәа уб. иҵ. ирацәаҩны.
Аамҭа уадаҩӡа ишҭагылазгьы, ақырҭуа меншевикцәа
рымчра Аԥсны иахаԥаны ишыҟазгьы, ҳдоуҳатә куль-

туреи, ҳанхамҩеи, ҳекономикеи шьақәзырҟьоз ашьап­
ҿаршәқәа шыҟарҵозгьы, Дырмит Гәлиеи, уи ицна­гаҩ­
цәеи, нас аиҵагылара иаҿыз аԥсуа интеллигенциеи
рыхшыҩеилаҵеи реидгылареи ирыбзоураны ага­зеҭ
«Аԥсны» аҳаҭыр шьҭыҵит, анапынҵа – ажәлар ир­ҿахә­
ҳәаганы, рхьааи, ргәырӷьеи, ргәазыҳәареи аныруа иҟа­
леит. Убри ахыхьгьы, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны»
аԥсуа журналистика аҭоурых аҿы зынӡа иара аҟынӡа
иҟаӡамыз адаҟьа ҿыцқәа аанартит. Насгьы уи амаҵ
зушаз, абаҩхатәра змаз аҿаргьы еиҵагылауа иалагеит, даҽакала иуҳәозар, агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа рҿы
акьыԥхь рбо рҿаархеит ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа,
астатиақәа, адраматә ҩымҭақәа уҳәа убас иҵегьы.
Урҭ зегьы рҿы еиҟараны акәымзаргьы, аԥсуа жәлар
рҵаралашара, рхьыԥшымра, ажәларқәа рзы ахақәиҭра
зегьы ишрыцку, ирыгу, ирыбзоу, амилаҭ литературазы
ашәҟәыҩҩцәа зыԥсоу, аҭоурых ӡыблара уацәынхарц
азы уиада ԥсыхәа шыҟам уҳәа иреиԥшыз апроблемақәа
ракәын агазеҭ аҿы акьыԥхь заахоз аҩымҭақәа ирҳәоз.
Дара аԥхьаҩцәагьы, насыԥны рхыԥхьаӡара иацло иалагеит агазеҭ азҿлымҳара рыманы.
Еиҭасҳәоит, абри ауп асовет аамҭазы аҭыҵра иалагаз
агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» уасхырс иазышьҭаз, изҿыԥшыз.
Иҵабыргыҵәҟьаны, уи акырӡа аҵанакуан агазеҭ «Аԥ­
сны ҟаԥшьи» уи аколлективи рзы. Машәыршақә акәӡам
уи редакторс дзарҭаз Миха Лакрба. Уи иажәеинраала­
қәеи истатиақәеи – агазеҭ «Аԥсны» ианылақәаз рыла
Аԥ­сны деицырдыруа дҟалахьан. Дырмит Гәлиа изикыз
ажәеинраала «Ушнеиуа унеи…» амацарагьы заҟа аҳәо­
зеи абаҩхатәра змоу шәҟәыҩҩык, патриотк иаҳасабала
уи­хәаԥшуазаргьы! Усҟан Миха Лакрба аԥсуа совет газеҭ
«Аԥсны ҟаԥшь» редакторс даныҟарҵа 20 шықәса аарла
ихыҵуан. «Аԥсны ҟаԥшь» ҳәа ахьӡ азҭазгьы иара иоуп.

Усҟан ажәа «аҟаԥшь» асимволтә ҵакы аман, Асовет мч­
ра иадҳәалан.
Ҳәарас иаҭахузеи, Асовет мчра анышьақәгыла, ҳажә­
лар ахақәиҭра анроу, ақырҭуа меншевикцәа Аԥсны
ианықәцаха, аҭагылазаашьақәа зынӡа рҽырыԥсахит,
аизҳа-зыӷьара амҩа ианылеит уи иаҭахын доуҳала
изырӷәӷәоз, ргәашьамх зырҵыруаз ажәа, ашәа… Ара­ҟа
асо­вет идеологиа амчра аманы иҳәаақәнаҵон аԥсҭа­
заара ҿыц иадҳәалаз, уи иахьысуаз апроблемақәа зегьы.
Ицон ашықәсқәа ықәҳа! Урҭ ирыланы иаауан, им­
ҩа­суан аамҭеиҭасра зыхҭынхьаауаз аиҭакра дуқәа:
иаҳҳәап, аколнхарақәа рышьақәыргылара, аиндустриа
арӷәӷәара, акулакцәа рахьырхәра, ашәиԥхьӡ згым­ха­ша
37-тәи ашықәс хьанҭақәа, Гитлер фашизм иар­ҵысыз
аибашьра, уи аиааира, аибашьра ашьҭахьтәи аиҭа­
шьақәыргыларатә период ҳәа изышьҭаз уҳәа убас заҟа.
Абарҭқәа зегьы рҿы аԥсуа газеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аԥ­
садгьыли ҳажәлари рымаҵ ауан, рҿахәы аҳәон. Асовет
Еидгыла аҭаацәара ду аҿы аԥсуагьы ихатә хаҿра иманы дубон, ихьӡ-иԥшагьы ыҟан. Ари иаанагон – Аԥсны
аԥ­сы ҭоуп, агәы еисуеит, ԥхьаҟагьы аԥеиԥшхә бзиа
амоуп.
Абри аус ԥшьаҿы аԥсуа журналистцәа, аҩбатәи аби­
ԥара ахаҭарнакцәа ирылдыршаз даараӡа ирацәоуп. Урҭ
рыбжеиҳараҩык ажурналистика аганахьала аҵара ду­
қәа ишрылымгацызгьы, ԥсабарала иҟәыӷан, рыжәлар
гәакьа рбызшәа, рҭоурых, изынхьаауаз, гәыҵхас иры­маз
бзиаӡаны ирдыруан. Иара убасҵәҟьагьы аҳәынҭқарра
иаҭахыз, уи ишацныҟәатәыз, ҩашьарада еилыркаауан. Убри апринцип ахҭа иҭаршәны аус руан, иҵегьы
уазааигәаны иуҳәозар, рыжәлари ргазеҭи рымаҵ ламысла, дыррала инарыгӡон. Урҭ рахьтә иҟоуп схаҭагьы
сызхаану, аус зцызуаз аҩбатәи абиԥара иреиуаз. Абар

даргьы: Нестор Абжьырба, Николаи Киут, Николаи (Кон­
стантин-иԥа) Киут, Кьыҵа Ачба, Рушьни Гадлиа, Алықь­
са Џьонуа, Ҷиҷико Џьонуа, Алықьса Лашәриа, Кәымф
Ломиа, Александр Ҭариа, Владимир Шларба, Золотинск
Гәлариа, Сандра Сангәлиа, Александр Хәаҭланӡиа, Шьа­
ликәа Сангәлиа, Никәала Аргәын, Миха Лкрба… Ах­ԥатәи
абиԥара рахьтә иаҳгәалаҳаршәап: Шьаликәа Камкиа,
Борис Ҭыжәба, Шоҭа Ҷкадуа, Геннади Аламиа, Шамил
Ԥлиа, Алықьса Џьениа, Кьыршьал Чачхалиа, Гьаргь Жанаа, Гьаргь Нараскәуа, Валикәа Ҭаниа, Борис Қаџьаиа,
Сарион Ҭаркьыл, Рауль Лашәриа, Мушьни Лшәриа, Нелли Киут, Таиф Аџьба, Терент Ҷаниа, Владимир Чуаз,
Анатоли Возба, Инна Аҳашԥҳа, Владимир Қапба…
Аҩбиԥарак ирыҵаркуа абраҟа еиқәысыԥхьаӡаз ауаа
(зыԥсҭазаара иалҵхьоу рацәаҩӡоуп, рыԥсы сакәых­
шоуп, џьанаҭ гыларҭас ироуааит!) аԥсаҭеи аџьыкаци
уҳәозар, ргәы ҭыӷьӷьа, рыԥсы ҭыӷьӷьа рмилаҭ газеҭи
рыжәлари рымаҵ руан. Уиалагьы аԥсуа журналистика аҭоурых азышьҭарҵеит, адаҟьа ҿыцқәа азаадыртит.
Иахьатәи абиԥарагьы аранӡа иҟаҵоу инацҵаны рмилаҭ
газеҭ абираҟ иаҵагыланы ахьӡ-аԥша змоу ажурналист
иуалԥшьа нарыгӡоит арҿиаратә гәацԥыҳәара рыманы.
Амала, иҳамҳәар акы, ҳиашахом, ҩбагьы, иҳақым,
иахьатәи аамҭазы агазеҭ «Аԥсны» аколлектив (рредактор хада Енвер Ажьиба рыгәҭа днаргыланы) рџьа­баа
цәгьоуп, иуадаҩуп агазеҭ аномерқәа рҭыжьра, изыҩ­
уагьы ргәаҳәара маҷуп. Аџьабаа иахьабалак ахә ршьоит. Ажурналист (уаҟа аус зуагьы изымуагьы) иџьа­баа
гәцаракым, аҳәынҭқарра рганахьала иҵегьы ацхыраареи ахылаԥшреи аҭахуп. Аҳәынҭқарра анапаҵаҟа иҟоу
газеҭуп «Аԥсны». Ус анакәха, игәыгәҭажьтәым. Избан
акәзар, ҳ-Дырмит ду абриаҟара зхиҳәааз агазеҭ иаҵа­
накуа зегьы иаадырроуп. Амилаҭ абызшәала агазеҭ аҭы­

ҵра анзыҟамла, амилаҭ ҿаҳа-дагәахоит, ахаҿра ацәы­
ӡуеит ауп иаанаго.
Аҵыхәтәан, сажәа хыркәшо исҳәоит, ҳгазеҭ «Аԥ­сны»
аколлективгьы, аԥхьаҩцәагьы ишәыдысныҳәалоит
шәы­­шықәса ахыҵра амш. Аԥсуа журналист ихатәы быз­
шәала ибжьы ҿацаӡа еснагь игалааит иԥсадгьыл аҿы уи
анҭыҵгьы инаҩлартә еиԥш! Избан акәзар, уи амилаҭ
иагу, иабзоу аахтны изҳәо амагиатә мчы змоу адоуҳатә
мазарақәа ирхаҭарнакуп. Убри аҟнытә, хәыҷгьы-дугьы
амилаҭ ргазеҭ бзиа ирбалароуп, абла ҷыцеиԥш иах­
ӡыӡаалатәуп. Аԥсны аҵеи ду Дырмит Гәлиа агазеҭ азы
ииҳәаз, аҩада иаазгаз ахшыҩзцарақәа ихаҿы иааганы.
2020 ш.

Баҩхатәрак
анапаҵаҟа

I
натоли Ианкәа-иԥа Лагәлаа раԥхьаӡа иа­жәеи­
н­раалақәа анцәырҵ инаркны итема ашь­ҭых­
шьа уҳәару, ицәаҳәақәа реиҿкаашьа уҳәару – зха­тәы
бжьы зхоу аӡә иакәны аԥхьаҩцәа дрылаҵәеит. Апоет
ҿа апрозаҿгьы иҽԥишәоит, араҟагьы уи ииҳәаша имоуп, аҳәашьагьы дақәшәоит. Иазгәасҭарц сҭахуп зыӡбахә
ҳамоу ашәҟәыҩҩы ипрозатә ԥҵамҭақәа рҿы иаҳԥы­ло
ихәыцшьақәа цқьа блаҵарыла еиҿыршәшәаны уан­
рыхәаԥшлак, наҟ-наҟтәи ирҿиаратә мҩа абри ажанр
ӡхьы­­шьҭракахь икҿаҳарц иҟоуп ҳәа агәаанагара уз­
цәыр­ҵуеит. Аха апоет ҿа макьана урҭ аҩжанрак еилагӡо
дааи­уеит. Макьана, сара сыхәҭаахь ала, идызбалом аҩ­ра
зна­пы алазкыз џьоукы-џьоукы ирнубаало «ачымазара»:
ҳпоезиа гәакьаҿы ишьақәгылахьоу атрадициа атәам­
бара аҵанӡа инаӡоу авагылара, «схатәык сыр­ҿиоит»
ҳәа уеизгьы-уеизгьы аҽхьакра, ишакәхалак ажәа­қәа
рылахәмарра, реилажьра.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡан Анатоли Лагә­
лаа иҭижьыз ашәҟәқәа хьаҳәаԥаҳәада шаҳаҭра руеит
зыӡбахә ҳалацәажәахьоу абаҩхатәра згым ашәҟәыҩ­
ҩы ирҿиаратә хаҭәаара аамҭа ишанылаз, ирҿиамҭақәа
рымҩа шаатыз.

«А

Анатоли Ианкәа-иԥа Лагәлаа Ашәҟәыҩҩцәа Реид­
гыла ашҟа лахәылас иҟалара хымԥада иахәҭаны исыԥ­
хьаӡоит»1, – абас иҩуан Аԥсны жәлар рпоет, акаде­мик
Баграт Шьынқәба 1991 шықәсазы Анатоли Ла­гәлаа
СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ашҟа лахәылас иҟа­
ларазы ииҭаз арекомендациаҿы. Уиаахыс акы-ҩба
ҳәа жәашықәсақәагьы нҭакәкәа ицахьеит аҭоурыхтә
хҭысқәа жәпакы рыманы. Иахьа апоет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Анатоли Ианкәа-иԥа
Лагәлаа иабиԥара иаҵанакуа, ҳмилаҭ литература
еихазҳауа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа нагақәа рыгәҭа аӡәы ҳәа
дгылоуп зегьы дырбартә, драҳартә еиԥш ирҿиаратә
мхурсҭа аҵакыра наӡааӡаны. Усҟангьы – ҳпоет ду Баграт
Шьынқәба арекомендациа анииҭозгьы – аԥхьаҩцәа деицырдырхьан зыӡбахә ҳамоу ашәҟәыҩҩы абаҩхатәра
зманы игылаз аӡәы шиакәыз. Ус акәмызҭгьы, ани аҩада
иааҳгаз арекомендациагьы зыҟаломызт. Уи шаҳаҭра
азнауан апоет қәыԥш арҿиараҿы илаз аҟыбаҩ ҷыда.
Ари ас шакәу иахьа еиҳагьы ибылгьны уаҩы ибоит Анатоли Лагәлаа ирҿиаратә мҩа, сзашьҭоузеи ҳәа
инықәырҩны акәымкәа, игәцаракны ианыԥшылалак
дарбанзаалакгьы, насгьы абара мацара акәым, ҳмилаҭ
литература бзиа избо, доуҳатә мазараны иахәаԥшуа ари
дамыргәырӷьарц, гәадурак инамҭарц залшом. Ус иҟоуп
аханатә аахыс иара ахаҵкы асахьаркыратә литература
адоуҳа амч!
Анатоли Лагәлаа ирҿиаратә мҽхакы иамоу аҩа­
ӡара ҳнарбоит 60 шықәса ихыҵра иазкны Аԥсны ашә­
ҟәыҩҩцәа Реидгыла иҟанаҵаз адныҳәалара. Уаҟа
ҳаԥхьоит: «Уанқәыԥшыз инаркны уҩымҭақәа ркьыԥ­
хьуан, иахьагьы ирнылоит ажурналқәа «Алашара»,
«Аҟәа-Сухум», «Амцабз», агазеҭқәа «Аԥсны Ҟаԥшь»,
1

Абаҩхатәра иаша ашьаҭа. Аҟәа, 2015 ш. Ад. 3-4.

«Аԥсны», «Аамҭа», «Еҵәаџьаа». Апериодикатә кьыԥхь
аҟны лассы-лассы ицәырҵуеит унапы иҵухуа аста­
тиа­қәеи аочеркқәеи. Иреиӷьу урҿиамҭақәа рыхәҭак
кьыԥхьуп «Аԥсуа поезиа антологиа ХХ шә.» (2009–2011)
аҟны, аурысшәахь еиҭаганы иагәылоуп 2017 ш. Москва
иҭыҵыз ҳаамҭазтәи аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа
реизга «Сухумская крепость», иара убас акьыԥхь рбахьеит Москватәи агазеҭқәа «Литературная Россия»,
«Об­щеписательская литературная газета» уҳәа егьырҭ
аҭыжьымҭақәа рдаҟьақәа рҟынгьы.
Амилаҭтә сахьаркыратә литератураҿы улагала ахә­
шьара бзиа аиуит: еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иуанашьоуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи.
Урҿиаратәи ууаажәларратәи усура ҳасаб азуны иухҵан
Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыр хьӡы.
Иахьа уажәраанӡа иҭужьхьеит апоезиатәи апроза­тәи
рҿиамҭақәа еидызкыло 20 шәҟәы инареиҳаны1.
Абраҟа ирыцаҳҵар акәхоит агәахәара уаҩы изҭо
иҿы­ц­ӡоу ҩ-фактк. Абар даргьы: Аԥсны Аҳәынҭқарра
Аха­да Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа инапы зҵаҩыз Аусԥҟа
ала Анатоли Лагәлаа «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩа­
ӡара ианашьоуп.
Аусԥҟа атекст аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Ами­
лаҭтә доуҳатә культура арҿиараҿы иҟаиҵаз алагала ду
азы Анатоли Ианкәа-иԥа Лагәлаа ианашьазааит АхьӡАԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара».

ақ. Аҟәа,
Лаҵарамза 31, 2021ш.»


1

Агазеҭ «Аԥсны», 2021 ш., ииун 10, №24.

Абарҭ ирыцлеит даҽа ҳамҭакгьы. Аԥсны атәылахь­
чара аминистр В. И. Ануа ҳпоет ааскьаӡа инапаҿы ииркит: «За поддержание мира в Абхазии» захьӡу амедаль. Абригь Анатоли Лагәлаа иҩымҭақәа ҳаруаа рыҩ­
ныҵҟагьы ишрылаҵәоу, бзиа ишырбо зырҵабыргуа
фактуп.
Аԥхьаҩ ухаҵкы, сара араҟа хықәкыс исымам, Анато­ли
Лагәлаа ирҿиаратә нысымҩа, иааркьаҿӡаны акәзар­гьы,
ахцәажәара, мамзаргьы гәаларшәарак аҳасабала уха­ҿы
аагара, уара дузымдыруашәа уҿаԥхьа ицәыргара. Мап,
уажәнатәгьы исҳәоит, акы, ус еиԥш иҟоу ахшыҩз­цара
сацәыхароуп, уи ҟәаданы саԥхьа иқәгылам. Ҩбагьы,
Анатоли Лагәлаа ипоезиатә, ипрозатә ҩымҭақәа аԥсуа
шәҟәыҩҩцәеи, аҵарауааи, акритикцәеи рылаԥшҳәааҿы
иҟоуижьҭеи, азҿлымҳара азыруеижьҭеи крааҵуеит, уи
нахьхьынӡа аахыс инапы злаку аус аҿы илшаз, имоу
ақәҿиарақәа аазырԥшуа, иӡырызгауа, автор игәы ҭызго
аҟәыӷара зҵо ажәа ԥха игӡам. Ус шакәу азын хара ацара
аҭахӡам, иаагап ҿырԥштәыс Аҟәа 2015 шықәсазы иҭы­
ҵыз ашәҟәы «Абаҩхатәра иаша ашьаҭа». Уаҟа аԥхьаҩцәа
ирбоит еиуеиԥшым ашықәсқәа рыҩныҵҟала апоет,
апрозаик, апублицист Анатоли Лагәлаа ирҿиамҭақәа
ирыз­кны ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳҵарауаа, ҳакритикцәа (Баграт Шьынқәба, Алықьса Џьонуа, Алықьса Гогәуа, Му­
шьни Миқаиа, Шота Салаҟаиа, Владимир Аҵнариа,
Сер­геи Зыхәба, Зураб Џьапуа, Валентин Кәаӷәаниа, Џьу­
ма Аҳәба, Руслан Қапба) ирыҩхьоу, ирҳәахьоу, иҭыр­
ҵаахьоу. Урҭ зегьы иааизакны урыхәаԥшуазар, ашә­
ҟәыҩҩы ирҿиаратә хаҿсахьа аҭагылазаашьеи ахы­шәа­
реи-аҵышәареи еилыхха иаадырԥшуеит. Уимоу, наҟнаҟ уи иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи инарҵауланы монографиала иҭызҵаауа аҵарауаҩ изы хыҵхырҭак еиԥш
изыҟалар, имҩақәҵагахар алшоит.

Ишаабо еиԥш, Анатоли Лагәлаа шәҟәыҩҩык иаҳа­
сабала данцәырҵ инаркны, (иааирԥшыз ибаҩхатәра
иабзоураны) ҷыдала авторцәа ҿарацәа рзын ихымԥа­
да­тәиу, азҿлымҳара аԥхьаҩцәеи, аҵарауааи, акритик­
цәеи рҟынтә иоуит, исахьаркшәа иуҳәозар, рылаԥш
хаа даҵанакит, ирҿиаратә лахьынҵа аҽаԥнашьит. Уи,
ҳәа­рас иаҭахузеи, ашәҟәыҩҩы ирҿиараҿы агәаҳәареи
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 09
  • Büleklär
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3544
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2393
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3625
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2384
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3481
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3557
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2417
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3558
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3377
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3530
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2317
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3494
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3530
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2200
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3545
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 1346
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1014
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.