LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 06
Süzlärneñ gomumi sanı 3377
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ачынуаҩрагьы аԥырхагамхеит. Машәыршақә, мамзар
гьы аԥша ирҿанагаланы акәӡам, иҩызцәагьы ихла
фуа, изгәдууа изизырҳәо: «Аполлон, ашәҟәыҩҩцәа уаа
џьбарақәоуп, рча рҿумхын, иуанарыжьуам» ҳәа. «Сара,
анцәа ибоит аӡәгьы сшиԥырхагам, исылшо ала «сых
каараҿ» схандеиуеит» – иаргьы иҽаҵамырхакәа, из
ҩыдоу, алахҿыхра зҵоу алаф ахь ииаганы аҭак риҭоит.
Ааи, диашоуп Аполлон Думаа. Уи, еиҭарсшәа иуҳәо
зар, «ихкаараҿы» дхандеиуеит, имоу алыҵшәагьы мҩа
шьарада иубоит. Ус шакәу шаҳаҭра ауеит аҩада зыӡбахә
ҳҳәахьоу ишәҟәқәа. Убарҭ акы ҳәа инарыцлеит уажәы
ҳзыхцәажәо «Геноцид абхазского народа в Очамчирском районе 1992–1993 гг.».
Ухәы-ужьы қақаӡа изыргыло, уоуразоуроу уеилыз
шьаауа агыгшәыгра иахылҵыз, рыцҳарала иқьуа ахҭ
ысқәеи афактқәеи рыла еибаркуп ашәҟәы ахы инаркны
аҵыхәанӡа. Уаҟа иҭҵаауп, еизгоуп ақырҭуа фашистцәа
иаҳзааргаз аибашьра хлымӡаах аан нацәақәкыла Очамчыра араион иахнагаз, иазаарцаз аӷауеимшхареи, ҳа
жәлар изаҟаразаалак гәкаҳарак рнмырԥшӡакәа иаа
дырԥшыз афырхаҵареи. Уи еихшоуп абарҭ ахқәа рыла:
Автор изку «Аԥхьажәа», «Аԥсны азы Қырҭтәыла аим
периатә гәазыҳәарақәа», «Қырҭтәыла ашовинист политика», «Џьабо Иоселиани и-Мхедрони», «Гыртәыла
ишабашьыз», «Аибашьра аламҭалазы Қырҭтәылеи Аԥ
сни реизыҟазаашьа», «Ақырҭуа оккупантцәа рнапала
иҭадырхаз аҭынч уааԥсыра», «Аҵыхәтәажәа».
Абарҭ еиқәыҳаԥхьаӡаз ахқәа ирымҽхаркуа рҟны иаа
рԥшуп ақырҭуа нацистцәа ҳажәлар ирзааргаз аибашь
ра хлымӡаах анцоз (1992–1993 шш.) аамҭазы Очамчыра
араион хаҳәырҵәиа ирҿагыланы имҩаԥыргоз, афыр
хаҵаратә қәԥара ду ртәы.
Ашәҟәы иаԥхьаз имбарц залшом автор иалихыз иобиект, ус узазҳәозар, ишьаҭаркны, аҵанӡа дылбааны
ишҭиҵааз, ашьаарҵәыра згәыҵкьасоз аибашьра иахыл
ҵыз ауаӷеимшхарақәа рымацара ракәымкәа, урҭ ахьын
тәаауа, шьаҭас ирымоу, иԥашәзыркыз рҭоурыхгьы. Аԥ
сны ықәаҳхуеит, аԥсуаагьы милаҭк аҳасабала адунеи ах
саала ианаҳхуеит ҳәа иҳақәлаз Шеварднаӡе, Иоселиани,
Китовани рмаҵуарқәа, ишырҳәо еиԥш иаразнак ажәҩан
аҟнытә илымбааӡеит, урҭ рдаракәац акырӡа ҵуеит аԥсуаа
рыԥсадгьыл ԥшӡа иаҩаӡоижьҭеи. Уи ахы цәырнагоит
XVII ашәышықәса алагамҭа инаркны. Аха уи азҵаара
еиҳа иҵархеит иазҿлымҳахеит аурыси аҭырқәеи реи-
башьреи рполитикатә интересқәеи хаха реиҿагылареи
реиҿаҳареи ирыхҟьаны ҳажәлар рыбжеиҳараҩык рыԥ
садгьыл Аԥсны иалыхәдааны иҟазҵаз, иҭазырцәыз ам
ҳаџьырра аныҟала ашьҭахь. Убри нахыс, иаҳзыҟалаз
атрагедиа – адемографиа аганахьала ҳмилаҭ рыбӷа
ԥызҵәаз – қырҭуеи, гыруеи, шәануеи зегьы уаха-саха
еихеит арыцҳара ду иақәшәаз аԥсуаа рыдгьыл чашәқәа
ҳазкуазар, ҳмилаҭ рыла ипеипеиуа иаҳзырҭәуазар ҳәа.
Уимоу, дара рыда даҽа жәларык иҭацәыз, иқьаԥҭахаз
ҳадгьылқәа рахь иқәнагалар ҳәа ишәаны иахыбаауан.
Урҭгьы – егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы – ақырҭцәа
ишырҭахымызгьы, хар рымаӡамкәа рхы иахәеит аԥсуаа
рыдгьыл чашәқәа рнапаҿы иҟаларц азын. Ус шакәу
арҵабыргуеит усҟантәи астатистика.
Ҳаԥсадгьыл еиҩаӡоз, уи азы ажәеиҭарсла иуҳәозар,
зҿаӡы аауаз, имыцәаӡакәа еиԥхыӡуаз, зны-зынлагьы
дәыԥсшәак аҳасабала ҳаишьцәоуп ҳәа зҳәоз Мрагыла
ратәи ҳгәылацәа хазынақәа Урыстәылатәи аимпериа
анеилаҳа (1917 ш.), аурыс ҳәынҭқар данылбаарга, абыр
жәы еиӷьны аҭагылазаашьа даҽазны иҳауам ҳәа иӡбаны,
рҽеибыҭаны Аԥсны иақәлеит, амҳаџьырра ашьҭахь иргаз, иртәыртәыз ҳадгьылқәа, ҳанхарҭаҭыԥқәа рзым
хакәа, Аԥсны Қырҭтәыла иаларыӡҩарц.
Аҭоурых ахаҭагьы џьашьахәуп, аӡы ахьышьҭрахь
ишцо еиԥш, ашьҭрақәлара адыруазаап. Сыззааиуа, убри
аҩызаҵәҟьа ҟарҵеит Асовет Еидгыла анеиладырбга,
Аԥсны зынӡа ишеибгоу илбааҳдароуп ҳәа иҳақәлеит
ақырҭуа фашистцәа рбанда. Ари аус хәымгаҿы Ельцин
иполитикагьы чарҳәара ҳазнауит, «Гьаргь ацқьа» иахь
иаднацәылеит…
Еилыхха ишаабо еиԥш, Шеварднаӡе, Иоселиани, Ки
товани, аинрал Ҟарҟарашвили Аԥсны рнапаҿы аҟазаа
ра аидеиа хәымга дара иҿыцны ирымхәыцит, ицәыр
рымгеит, рабацәа, рабдуцәа рҟнытә иаауаз акы акәын.
Мацара аамҭеиҭарсра иауаршәаны ишҳамха, изҩаха,
аҽарҿыцуа ирызцәырҵуан Аԥсны наунагӡа дара рна
паҿы ирҭаху аларыгӡо аҟазаара.
Абарҭ реиԥш иҟоу ахшыҩзцарақәа рыҵубаауеит
ҳзыхцәажәо ашәҟәаҿы автор иҟаиҵо аҭоурыхтә хьаҵ
рақәа. Урҭ ус баша еиқәыԥхьаӡарыла акәымкәа, зыгәра
уго, аҭҵаарадырраҿы ишьақәгылахьоу афактқәеи, адо
кументқәеи, ахҭысқәеи рыла ирҵабыргны иҟаҵоуп.
Ицхлымуаз ақырҭуа нацистцәа Аԥсны ишазыҟаз, уи
хьаҳәаԥаҳәада рнапаҵаҟа иҟаларцаз наҩнытә ирымаз
агәазыҳәарақәеи, хыԥхьаӡара рацәала иазыҟарҵахьаз
ацәгьоурақәеи, аиҵаҟәаҟәарақәеи ухаҿы ианааугалак,
имҩашьо иубоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтә еибашьраҿы
гитлертә фашизм инахыҳәҳәо аҟынӡа иаадырԥшыз
ауаҩытәыҩсара ацәа иҭамӡо, алакәаҿгьы иааџьоушьа
ша агыгшәыграқәа шҵаҵӷәыдам, даҽакала иуҳәозар,
ауаӷеимшхарақәа – аҭынчуаа рышьра, рынхарҭақәа
рбылра уҳәа иҟарҵаз ахлымӡаахрақәа зқәиааз адгьыл
апалачцәа Сталини, Бериеи, Шеварднаӡе рабацәеи урҭ
рабдуцәеи идырмазеихьан, ахсаала ахыхны амҩа азыларххьан, ажәакала, амч рнаҭон.
Амала, Аԥсни аԥсуа жәлари дара ишырҭаху рнапаҿы
иахьырзаамгоз, иахьырызмырҭаслымуаз ргыгшәыгра
агыгшәыгра ацнаҵон, ауаҩытәыҩсара ацәаара аиуа
џьара иумбо ирыланарбон.
Абас иҟоу агәҭахәыцрақәа иҿаҿаӡа иузцәырыргоит
Аполлон Думаа еизигаз, иҭиҵааз ҳаӷацәа рыхәымга
рақәа аазырԥшуа ашәҟәы злеибарку аматериалқәа.
Урҭ аргама ирҳәоит ақырҭуа оккупантцәа рхықәкы ха
дақәа харантә ишаауаз, харагьы инаӡарц шырҭахыз,
аха ҳазшаз илыԥхалеи, аԥсуа жәлар ргәымшәреи, рха
меигӡареи, ҳашьцәа нхыҵ иҟа, аахыҵ иҟа, аҳәаанырцә
иҟа иҳамардаз рыжәҩахыри, насгьы нахьхьиӡа аахыс
ҳиашареи, ҳқьиареи баны иҳадгылаз ажәларқәа (зегьы
раԥхьаӡагьы аурыс жәлар наргыланы) рхаҭарнакцәа
иҳарҭаз хәызмаӡам ацхыраареи ирыбзоураны Аԥсны
шеибагоу илбааҳдоит ҳәа згәы иҭакны иаҳқәлаз ахәым
гақәа, ажәа ишалоу еиԥш, рқьышә ҭаԥҵәахеит, ихьагә
гәа, рыԥхасҭақәа рыфеиданы, иахьааз ицар акәхеит.
Ақырҭуа фашистцәа Очамчыра араион (ақалақьгьы
убрахь иналаҵаны) иазааргаз, ашьаарҵәыра зымпы
ҵакәкәоз рнапы хәымгақәа ахьынаӡоз ақыҭақәа аԥс
гәы ишкылырхыз, аҭынч уааԥсыра-абџьар зкамыз
аҟәҟәаҳәа иргәыдҵаны ишыршьуаз, рынхара-рынҵы
рақәа амцаԥшь рыжәҵаны аҿҿаҳәа ишырбылуаз атәы
ашәҟәаҿы ахааназгьы хашҭра ақәымкәа иаарԥшуп. Уи
иахьатәи ауаа рымацараз акәымкәа, ушьҭантәи аби
ԥаразгьы иранаҳәо кыр ыҟоуп, агәаҽанызаара ҟазҵо
аҭоурых адаҟьоуп. Аполлон Думаа иҭижьыз ашәҟәы
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых наҟнаҟгьы иҭызҵаауа уи дзавсуам, изаанартуа адаҟьақәа
рацәоуп, иҵегьы уазааигәаны иуҳәозар, Аԥсны раион
дук аибашьра анцоз ианхагаз ахамышҭыхә иахсаалоуп,
документра зуа ҵабыргыхаҭоуп, абасҟатәи шьаӡа-гәаӡа
казыршыз Мрагыларатәи ҳгәылацәа хазынақәа ауаҩра
зцәыӡыз рхаҿсахьақәа ирсаркьоуп.
Ашәҟәы зыԥсоу, қьарс иалоу атәы иуҳәаша акыр
ишырацәоугьы (уи ԥхьаҟатәи усуп), уажәазы сҽааныс
кылоит. Амала, ҳаԥхьаҩцәа ирдыруазарц ахәҭоуп аԥ
суаа милаҭк аҳасабала ҳаҟазаареи ҳаҟамзаареи амш
иазҵаараны ианықәгылаз аамҭазы иаҳхаагаз, иаҳачҳаз,
иҳалшаз, атомтә бомба ада егьирахь бџьарла деиқәных
иҳақәлаз аӷа дызусҭаз, гәҭакыс имаз. Урҭ зегьы аарԥшуп
афактқәеи ахҭысқәеи рыла.
Аполлон Думаа ишәҟәы «Геноцид абхазского народа в Очамчирском районе 1992–1993гг.» ҭоурыхтәла
узырхәыцуа, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш азын агәаҽанызаара
узҭо, умилаҭ хдырра зырҿыхо, аибашьра иаҳзаанагаз
арыцҳарақәеи, аԥсҭбарақәеи, Нарҭаа дуқәа рфырхаҵара
фцырҟьаны излоу ҳҵеицәа доумыжьхақәа иаадырԥшыз
агәымшәареи, аԥсадгьыл азы ахамеигӡареи еснагь
ҳгәалашәараҿы аҟазаара шхымԥадатәиу узырдыруа,
насгьы Шеварднаӡе имаҵуарқәа иаҳзааргаз аибашьра хлымӡаах аҭоурых аҭҵаараҿгьы хәарҭара злоу акы
акәны адунеи абеит.
Сгәы иаанагоит зыӡбахә ҳамоу ашәҟәы еиҭаҭыжьзар
ахәҭоуп ҳәа, насгьы аԥсышәалагьы еиҭагазар ахәҭоуп
ҳәа сахәаԥшуеит.
Сыстатиа хсыркәшоит атаџьықь поет Масуд Салмон
(1046–1121 гг.) жәра зқәым ицәаҳәақәа рыла:
День, что прожит был без пользы отчизне,
Я вычеркиваю напрочь из жизни.
2021 ш.
ара аԥсуа шәҟәи аԥсуа шәҟәыҩҩи сдоуҳа ианырны бзиа избаз аахыс исцәаҩаны саауеит иҷы
доу ҟазшьак, уи убри ауп, зышәҟәыҩра аханатә зқәыԥ
шратә, зҵаҩратә шықәсқәа инадыркны ихацзыркыз,
асахьаркыратә литература абзиабара баҩхатәраны изы
зцәырҵыз, насгьы, иналаршә-ааларшәны акәымкәа, иа
аиԥмырҟьаӡакәа далашыҩкны ааԥсара изымдырӡо иҩ
уа ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа рызҿлымҳара, игәцаракны
рыԥхьара, сахьынӡахьӡогьы рыхцәажәара.
Абри ацәаҩа сара слитературатә ҭҵааратә усураҿы
иахьагьы амч аманы избоит, исныруеит, избан акәзар,
нахьхьынӡа иқәыԥшра инаркны иҩуа уи ԥсҭазаарас измоу ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә процесс иԥыҵәҵәа-ԥыҵә
ҵәо акәымкәа, абла ҵары аханы, инеимазакны аԥс
ҭазаара ахьеилашуа агәҭаҵәҟьа игылоуп, уи ахаҿра
ҵкаррацәала аарыԥшра зыҟаҵарыла иазыхианы. Насгьы ара иҟоуп иџьоумшьаша иԥсабаратәу даҽакгьы.
Уигьы аӡбахә мҳәакәа, аганахь иузныжьуам. Ишдыру
еиԥш, иарбан напҟазаразаалак аҿгьы ихыбжа-ҿыб
жаны, ма иныбжьаршә-аабжьаршәны аамҭатә интер
валқәа бжьаҵо аусура еснагь ахьысҳара ацуп, иаах
ҵәаны иуҳәозар, ахаҭабзиарагьы ахыԥхьаӡарагьы ир
ныԥшыртә аҟынӡа. Ари ас шакәу ауаҩы идгьылтә ԥсҭа
заараҿы идыруеижьҭеи акырӡа ҵуеит. Арҿиара аус
атәы ҳҳәозар, еиҳагьы иубарҭоуп. Ҵабыргуп, урҭ рахьтә
иҟоуп асубективтә, аобиактивтә мзызқәагьы. Ҳәарада,
абри аҭагылазаашьагьы ашәҟәыҩҩы аԥсабара инаҭаз
иҩбахатәра иҳәаақәнаҵогьы кырӡа аҵанакуеит.
Аҩада иазгәасҭаз ахшыҩзцарақәа зырҵабыргуа афак
тқәа аԥсуа литератураҿгьы, ирацәамзаргьы, иуԥылоит
аха уи аҭоурых араҟа алалара иаҭахны избом.
Зегьы зхысҳәаауа, еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы
Владимир Константин-иԥа Басариа иоуп. Уи ашәҟәыҩ
ҩцәа аӡәырҩы реиԥш, алитература агәыбылра икит,
аҟыбаҩ иманы аҩра шилшозгьы ааԥшит иара иҵаратә,
истуденттә шықәсқәа инадыркны. Иахьа 85 шықәса
ирҭагылоу аԥсҭазааратә ԥышәа змоу, злагалагьы ҳмилаҭ
литература ианыԥшуа, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз
аусзуаҩы, ашәҟәыҩҩы, адраматург, Ахьӡ-аԥша аорден
ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Владимир Басариа аԥсабара
инаҭаз ибаҩхатәра зырҿыхаз афакторқәа иреиуоуп дахьиз, дахьааӡаз иқыҭа гәакьа Кәтол иалиааз, ҳмилаҭ
сахьаркыратә литературазы ихьыӡырҳәаганы иҟалаз
ашәҟәыҩҩцәа дуқәа рнырра, рдоуҳа, ртрадициатә мчы
еибаркыра. Убри анаҩсангьы, Владимир Басариа ҷыдала
иара изы акырӡа аҵанакуеит дхәыҷаахыс иҩны иаҳауаз,
ипатриоттә цәанырра зырҿыхоз, агәадура изҭоз Аԥсны
аҵеи ду Симон Басариа ихьӡ-иԥшагьы.
Ҵабыргуп, уи ихәыҷратә аамҭазы ҳҵеицәа хазына
қәа аӡәырҩы реиԥш, Симон Басариа ҳаԥсадгьыл аӷа
цәа цәгьаԥсышьа ирҭахьан – ихьӡ, иҭҵаамҭақәа аҵәы
рхьыршьхьан, ибжьадырӡхьан рҳарҭа-сырҭак аӡәгьы
изымдыруа. Аха зегь акакәын иашьцәа рҿы еиԥш, уи
ижәлар гәакьа ргәаҿы (уанӡаҵәҟьа, иага рҽаршәаргьы
неишьа рымамызт Бериа хәымгеи имаҵуарқәеи рна-
Ароман
« Ашәалҟьамреи »
уаанӡатәиқәаки
С
пы ҟьашьқәа) хашҭра иқәымкәа ныхачаԥак еиԥш дҭа
лашаауа дҭан. Абри ауаҩ лаша, аԥсуа ду ибзиабара ашәа
хәацқәа заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз Владимир Басариа игәаҵа иҭаԥхон, милаҭ гәадурак иҭауа…
Зыӡбахә ҳамоу ашәҟәыҩҩы ибаҩхатәра зырҿыхоз
афакторқәа ртәы анаҳҳәо аамҭазы, хымԥада иӡбахә
ҳгәалаҳмыршәар ауам уи иашьеиҳаб, аԥсуа журна
листикаҿы аџьабаа ду збахьаз, зсахьаркыратә ҩымҭақәа
аԥсуа ԥхьаҩцәа ибзианы ирдыруа, Марксизм-Ленинизм аклассикатә ҩымҭақәа (иаҳҳәап, В. И. Ленин ифи
лософиатә ҩымҭа ду «Материализми аемпириокритицизми») реиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуаҩы Шьаликәа
Басариагьы. Абри ауаҩы аамысҭашәа идоуҳатә хыԥша
аҟнытә ауп Владимир Басариа асахьаркыратә литература абзиабара ахьикыз. Ари аҩнаҭа ҭбааҿы иагмызт
ашәҟәи, алитературеи ирызкыз иҵоураз ацәажәарақәа…
Ашәҟәыҩҩцәа зегьы рҿы еиԥш, Владимир Басариагьы дызнысыз аԥсҭазааратә мҩа ус имарианы иау
ҟахыз, ихәыҷратә, иҵаратә шықәсқәа инадыркны аџьа
баақәа акыр ибахьеит, ихигахьеит, ашәҟәыҩҩра иаҭаху
аԥсҭазааратә ԥышәагьы имоуп. Аха уи акыр шықәса
инеиԥынкыланы агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» (уажәы «Аԥ
сны») аредакциаҿтәи иусура зегьы ирыцкын, школаны изыҟан. Ҵабыргуп, уи арҿиаҩы имнахуа, ицәнаго
игәабзиара, аамҭа зҳәаз шьарда ирацәоуп. Аха ахәарҭара
иалоу еиҳаны иҟоуп иукапануазар, еиҿырԥшны уахәа
ԥшуазар, насгьы абаҩхатәра иаша ахьыҟоу, аредакциатә
усқәа иага иқәрыӷәӷәаргьы, иазаҵарӡуам.
Абри аганахь Владимир Басариа шәҟәыҩҩык иаҳа
сабала насыԥ змоу уаҩуп, избанзар, иԥсҭазаараҿы ихадараны илихыз илитературатә усура аԥыжәара шамаз,
аԥхьа ишгылаз иаанхеит. Амала, иҳамҳәар ҳиашахом,
иҳақым уи журналистк иаҳасабалагьы иџьабаа шыра
цәоу, агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы иикьыԥхьуаз апуб
лицистикатә статиақәа, аочеркқәа, афелетонқәа аԥ
хьаҩцәа гәахәара дула ирыԥхьон, избан акәзар, урҭ иаа
дырԥшуан асовет аамҭазтәи ҳажәлар рыԥсҭазаара, ирыгыз, ирыбзаз, ргәы иҵхоз апроблемақәа, ирԥырхагаз
ауаа ԥсымҭәқәа, аҟырлышқәа рхаҿсахьақәа уҳәа уб. иҵ.
Жәибыжь шықәса уи агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» ареда
кциаҿы иусураан инаигӡон еиуеиԥшым аҭакԥхықәра
зцыз анапынҵақәа, раԥхьа корреспондент еиҳабыс, нас
аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс, уи ашьҭахь
асовет ргылара аҟәша еиҳабыс, аҵыхәтәан админист
ративтә органқәеи атавареиҭарсрақәеи рыҟәша еиҳа
быс. 1979 шықәса инаркны Владимир Басариа акыр
шықәса аус иуан ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» (уажәы
«Аԥҳәынҭшәыҟәҭыжьырҭа») раԥхьа редакторс, редактор еиҳабыс, нас аамҭақәак рзы редактор хадас.
Аҩада ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, Владимир Басариа ды
шқәыԥшыз, ашкол данҭаз инаркны асахьаркыратә литература абзиабара илалт, ажәабжьқәа (еиҳарак ахәыҷқәеи
ахбыџқәеи ирызку) рыҩра далагеит, урҭ раԥьа акьыԥхь
рбеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт афи
лологиатә факультет астудентцәа иҭрыжьуаз анапы
лаҩыратә журнал «Арҩаш» (усҟан уи редакторс даман
ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иаҳзааргаз аибашьра хлым
ӡаах ашьҭахь изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара трагедиала
иҿахҵәаз абаҩхатәра еицамк змаз Анатоли Бата-иԥа
Возба) адаҟьақәа рҿы.
Абри анапылаҩыратә журнал ианыз ажәабжь «Ишә
џьысшьоит, дад» акьыԥхь абеит ажурнал «Алашара»
1957 шықәсазтәи аномерқәа руак аҿы.
Ааи, ҳацәымҩашьо иаҳҳәар ҳалшоит абраҟа ашьапы
акит ҳәа Владимир Басариа илитературатә, ирҿиаратә
ԥсҭазаара. Уи аахыс аиҭакрақәа ҟазҵаз ашықәсқәа жәпа
кы еиқәылеит аҭоурых аҵахь иаҵагылауа. Адунеи зыр
хыџхыџуаз СССР-гьы ааугаруеи, иҟаӡамшәа аамҭеи
ҭасра илахәлабга ицеит. Иаҩнахыз ахҭысқәа, ахаҭарақәа
реиқәыԥхьаӡараҵәҟьа ухәы-ужьы қақаӡа идыргылап!..
Владимир Басариагьы иабиԥара иаҵанакуа аԥсуа
шәҟәыҩҩцәа зегьы реиԥш, аамҭа џьбара дыԥнашәеит,
иҭәымҭа, иӷәӷәамҭа дҭанаргылеит арҿиаратә гәаҳәара
иманы. Уи ибаҩхатәреи иԥсҭазааратә ԥышәеи ирыбзоураны инапы иҵыҵит ламысла, гәыҭыӷьӷьала иаԥ
ҵоу, ҳлитератураҿгьы зхатәы хаҿра зманы иалубаауа
ашәҟәқәа, иаҳҳәап «Аиқәлацәа» (1965) «Ақәыԥшра»
(1968), «Агалстук ҟаԥшьқәа» (1976), «Аҵаа аныԥсасиуа»
(1980), «Раԥхьатәи асы» (1981), «Амшәҳәыс-кьанџьа»
(1984), «Анаҟә анхыҵуа» (1985), «Аҵаа ҟаԥшь» (1986),
«Аеҵәаџьаа анылаҟәуа» (1983) «Ашьҭақәа» (1989), «Аам
ҭа уадаҩқәа рԥышәара» (1995) уҳәа уб. иҵ.
Ашәҟәыҩҩы Владимир Басариа раԥхьатәи ирҿиам
ҭақәа рыбжеиҳарак иаадырԥшуеит изызҳауа, аҵара зҵо
ахьыбҿар рыԥсҭазаара, рхықәкқәа, рҟазшьақәа, ина
гӡаны иҭышәнымтәаларц, имшәыц, аха аԥшаара иаҿу
рдунеихәаԥшышьақәа уҳәа жәпакы. Зыӡбахә ҳамоу
автор заатәи иажәабжьқәеи иповестқәеи ракәзаргьы
иаҳдырбоит асовет аамҭазтәи лымкаала аҿар ароман
тикатә цәа зхубаауа рыбзазара, агәазыҳәара ду зҵоу
афилософиатә хәыцрақәа, рызхьрақәа, адгьыл рықә
заараҿы изыргәырӷьо, насыԥхәыс ирыԥхьаӡо, идеал
ра ззыруа, хьааны ирыцрыхо, изыргәаҭеиуа, рыԥсҭа
заараҿы иӡбамкәа ирымоу апроблемақәа уҳәа убас
иҵегьы. Урҭқәа зегьы ашәҟәыҩҩы иаҳирбоит лаԥшы
ҵарыла аԥсҭазаара иаликааз, атипра, зеиԥшра рылоуп ҳәа ииԥхьаӡоз ахаҿсахьақәеи аперсонажқәеи рыла,
насгьы еиуеиԥшым аситуациақәеи аҭагылазаашьақәеи
рҿы аконтрастра рзеибауа, ихеибарҭәааауа.
Владимир Басариа ажәабжьқәеи аповестқәеи ржанр
аҿы даанымгылеит (урҭ рымацарагьы уаҩы иҟәни
шьо ишыҟамгьы, дарбан шәҟәыҩҩызаалакгьы исахьа
ркыратә гәҭыхақәа рылаиҳәарц шалшогьы), уи аԥс
ҭазаара аҭәгашоура иҵегьы инарҭбааны аарԥшраҿы
еиҳа зымҽхазкуа, еиҳа злаӡоу ароман ажанр ахь диасит.
Араҟагьы уи абаҩхатәра шимаз, исахьаркшәа иуҳәозар,
дызҿалаз ахра ду лыԥхала ахәнара шилшоз ааирԥшит.
Ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟала Владимир
Басариа иаԥиҵаз аҩроманкгьы «Еҵәаџьаа анылаҟәуа»,
«Ашьҭақәа» ихатәроу рҿиамҭаны аԥсуа сахьаркыратә
литература аҭаацәара ду иналалеит. Уи аԥхьаҩцәа
гәахәарыла ирыдыркылеит, акритикаҿгьы ахәшьара
бзиақәа роуит, ажәакала, автор ихьӡ ҭызго рҿиаратә
қәҿиаран изыҟалеит.
Ароман «Еҵәаџьаа анылаҟәуа» аҿаԥхьа иқәыргы
лоуп иахьатәи, иҵегьы уазааигәаны иуҳәозар, асовет
епоха аантәи аԥсуа қыҭа абзазара атәы зҳәо, апроблемара зуа азҵаарақәа жәпакы, иаҳҳәап, ақыҭа социалтәекономикала, культурала ахаҿра аԥсахра, аизҳа-зыӷьара,
ауаҩы идҳәалоу, зда дхәарҭам идоуҳатә ҭахрақәа рыз
хьаԥшра, ргәынкылара уҳәа урҭ ирышьашәалоу иҵегьы.
Ароман аҿы абарҭ ишьҭыху азҵаарақәа аԥсҭазаа
раҿы рынагӡара иадҳәаланы ицәыргоу ахаҿсахьа
қәеи аперсонажқәеи ирымоуп досу излеиԥшым, из
леиламҩашьо рхатә ҟазшьақәа, изхаану, излагылоу,
идырҿио аԥсҭазаара ԥхьаҟа изларгаша, излеиӷьыр
тәыша, насгьы ихадароу ари адунеи аҿы ажәларқәа
зегьы хи-ԥси ҳәа иахьеихо, иахьеилоу рмилаҭ хаҿра
зқьышықәсала аамҭеикәшара рҵалашәы иалкәкәааны
иаарго зламыӡша, ԥхьаҟа еиқәзырхаша, изырҿиаша, моралла, ламысла иҵегьы излацқьахаша, агәаанагарақәа,
ахшыҩзцарақәа.
Ауаҩы иԥсҭазаараҿы высшьа змам абарҭ азҵаара
қәа зегьы ашәҟәыҩҩы раԥхьатәи, ироман «Еҵәаџьаа
анылаҟәуа» иҟарҵоит ихатәроу, ҳаамҭа уадаҩ агәеисра
иақәшәо, аԥсуа игәҭыхақәа жәпакы ртәы зҳәо сахьа
ркыратә ҩымҭаны.
Владимир Басариа егьи аҩбатәи ироман «Ашьаҭақәа»
иара аҟынӡа уи иаԥиҵахьоу аепостә ҩымҭақәа иреи
ҳауп, мҽхакылагьы, идеиатә ҵакылагьы, сахьаркыратә
напҟазарылагьы иаҳхысыз ашәышықәса 60-тәи ашы
қәсқәа инадыркны СССР еилаҳаанӡатәи аамҭа иаҵа
накуа ҳаԥсҭазаара инагәылаланы иаазырԥшуа акы акә
ны аԥсуа прозатә ҩымҭақәа ахатә хаҿра аманы инарылагылт, ҳакритика иахьанӡагьы уи азы иахәҭоу, изыԥсоу
ажәа азымҳәацзаргьы.
Аамҭа атәы анаҳҳәа, ароман 60‑тәи ашықәсқәа ры
мацараҿы иаагылом, уаҟа иаарԥшу, зсахьа ҭыху аԥс
ҭазааратә хҭысқәа рҳәаақәа акырӡа идырҭбаауеит, еиҳа
ииашаны иуҳәозар иҟало-иныло ахҭысқәа ирхьысуеит ԥасатәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашь
ҭахь жәлар рыԥсҭазаарагьы, иаагап зыԥсаҭақәа џьа
ҳанымтәрахаша Сталини Бериеи рус хәымгақәа ирых
ҟьаны Аԥсны иҟалаз азалымдарақәа – аԥсуа жәлар
етноск ҳасабла рлахьынҵа аԥсынҵра зыркьаҿуаз, аиа
ӡаарахь иназгоз апроцесс хлымӡаахқәа – рхатә школқәа
раркра, амилаҭ кадырқәа ӷәара-пара реимырпра, иаанхаз ахыц-ҩыцгьы имчыданы, изинданы рыҟаҵара,
адоуҳатә культура арҿиара иадҳәалоу зегьы рымҩақәа
аркра уҳәа убас заҟа?! Урҭ азалымдарақәа Ленинтә ми
лаҭ политика иабзоураны хәыҷ-мыҷқәак анырҽеиха
(инагӡаҵәҟьаны Қырҭтәыла инханы иҟаз, амчрагьы
змаз Бериа ибгалаџқәа ируазма!) ашьҭахьгьы, ҩаԥхьа
ицәырҵит аԥсуаа ирԥырхагаз, рҭоурых еицазкуаз,
изыркьаҳәуаз, рдоуҳатә культура аҿиара маӡа-аргама
иаԥықәслоз анегативтә цәырҵра ҿыцқәа, еиҳаракгьы
урҭ иплеит, рымҽхак дырҭбааит, адәахьала, излаумбаша акы ишалаҟамызгьы, амыдаӷьцәа рхарҵеит ашьақә
халаратә шықәсқәа раан. Усҟан ауп ақырҭуа ҵарауаа
рахьтә аӡәырҩы Аԥсни аԥсуааи рзы амц теориақәа
меигӡарахда аԥҵара, ажәлар рыларҵәара ианалага.
Абарҭ аамҭа бааԥсқәа ирылиааз, дымшәа-дмырҳа
аӷьараҳәагьы ирҿагылаз дреиуоуп ароман «Ашьҭақәа»
афырхаҵа хада Данаҟаи Аԥсыцба. Ари ауаҩ акырӡа
дугәалаиршәоит автор ихаҭа, уи иԥсабара, идунеи,
дызнысыз амҩа, дызҿагылоуи дзыдгылоуи анеиду
хәыцлалак, ганкахьала ианеиҿурԥшлак, аҩымҭа ав
тобиографиатә ҟазшьа анаҭоит, даҽа ганкахьала уа
хәаԥшуазар, ус иҟазҵо, иузырбо убри ауп, ари афыр
хаҵа хадеи автори аамҭа хьанҭак еиднакылоит, аԥсҭа
заара иацу аҟыба-ӡыбақәа еицеиҩыршоит, уи иахыл
ҵуа, исахьаркшәа иуҳәозар, ауарқь еицылбаардоит
иара иаарыкәшаны иҟоу ауаажәларратә ԥсҭазааразы
рдунеихәаԥшышьа акоуп, блакы ала еицырбоит, еицырныруеит.
Зынӡа ииашаны иҳәоуп ароман аԥхьажәа хәыҷ аҿы
Данаҟаи Аԥсыцба изы абарҭ ажәақәа: «Ароман афыр
хаҵа хада Данаҟаи Аԥсыцба данқәыԥшыз инаркны
ԥсеивгарак ирҭом ашьақәхаларатә аамҭа иҟанаҵаз,
ицәырнагаз ауаҩ мҽеиқәа, аламыс змоу ауаҩы цәгьа
цәыԥхамшьарада ихы инықәгыланы дынӡаарҟәрыланы
ихыԥаны ицоз».
Ас иҟаз, Данаҟаи Аԥсыцба дӡаазырҟәылоз ауаа, амчра рызҭоз еиҳарак ашьақәхаларатә шықәсқәа ракәын.
Аха урҭгьы ахҭынхьаа ду роуит, даҽакала иуҳәозар,
аҽеиҭакра аамҭа иаԥсахит, уи аҳра агеит Асовет Еидгыла аԥсы шҭазгьы, насгьы ишнеи-неиуаз еиланарбгаӡеит,
акәыкәыла аақәнахит.
Автор ифырхаҵа хада Данаҟаи Аԥсыцба игәыӷрақәа
зегьы Горбачов ԥсыс дызхаз аҽеиҭакра, адемократиа
аамҭа иадиҳәалеит, уи ацәырҵра ауаажәларратә ԥс
ҭазаараҿы бзиак иазҳәаны иԥхьаӡеит, имч, илша, идырра зегьы аԥсҭазаара иахьа излаҟоу аҵкыс аиӷьтәра,
арҿиара, доуҳала ацқьахара иазикит, ҳәарада, араҟа уи
ароман авторгьы дарӷьажәҩаны дивагылеит…
«Ашьаҭақәа» рҿы сахьаркыратә ԥҵамҭак аҳасабала
Данаҟаи Аԥсыцбеи уи ишьашәалоуи рхаҿсахьақәа рыла
иаабоит гәылагьы, ԥсылагьы, мораллагьы ашьха ӡыхь
еиԥш ицқьоу, згәамчхара ӷәӷәоу ауаа шракәу аԥсҭазаа
ра прогрессивтә мҩала ԥхьаҟа агара, арҿиара зылшо,
излахьынҵахо. Аха уи ахала, стихиала изыҟалом. Уи иа
ҭахуп аԥсҭазаара аӡыхь зырхәашьуа ауаа ҟырлышқәеи,
ашьцылара бааԥсқәеи, анегативтә цәырҵрақәеи ирҿа
гыланы хыцәнмырха есымшатәи ақәԥара.
Абри ауп ароман аидеиа хадагьы зырӷәӷәо, аԥхьаҩ
изгьы, ҳлитература зегьы азгьы изаамҭанытәу, иактуал
тәу акы акәны иҟазҵо, иаҳзааигәазтәуа.
Владимир Басариа инапы иҵыҵхьоу, насгьы ҟаза
рыла иҩу романуп «Адунеи шаҟа иссирузеи», 2006 шы
қәсазы Аҟәа ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» иҭнажьыз. Уи
иаанарԥшуеит акурорттә ԥсҭазаара ицәырнаго апро
блемақәа. Автор ироман «Аԥсҭҳәеиқәаҵәақәеи ажәҩан
ҵлашааи» акәзар, аԥсҭазаара аҵабыргхаҭа иагәылҩаау
ахаҿсахьақәа рыла иаарԥшуп ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа
иаҳзааргаз, ҳазларыжьыз аибашьра хыҵхырҭас иамаз,
иаԥсабараз, аԥсуа жәлар рхаранаԥшра, ргәымшәара,
наџьнатә аахыс, рыԥсадгьыл ахьчаразы рхы-рыԥсы
ишамеигӡо, ишдауаԥшьқәоу… уҳәа уб. иҵ. Владимир Басариа ироман «Ашәалҟьамра» хыԥхьаӡарала ихәбатәиу,
икьыԥхьуп ажурнал «Алашара» №4 (2019) аҿы.
Аԥсуа жәлар 1992–1993 шықәсқәа рызтә́и Аџьынџь
тәылатә еибашьра хлымӡаах рхыргеижьҭеи, аиааира
ргеижьҭеи ҳашәҟәыҩҩцәа рҟнытә ҳаԥхьаҩцәа рыблақәа
ҭраа иазыԥшуп ирхыргаз аԥышәара ду иазку, рҵеицәа
гәымш́ақәа рфырхаҵара аазырԥшуа аҩымҭақәа, ашә
ҟәқәа. Ари агәаҟра ду зхызгаз, лакә аҿы зыгәра узымгаша афырхаҵара аазырԥшыз ажәлар рзы иԥсабаратәу
рдоуҳатә ҭахроуп.
Абри иԥшьоу аус аҿы ашәҟәыҩҩы Владимир Басариа уаҩы игәы иахәаша алагала ҟаимаҭ ҟаиҵеит. Ашә
ҟәҭыжьырҭа «Алашара» иҭнажьит (1995) урысшәала уи
ишәҟәы «Аамҭа уадаҩқәа рԥышәара» ҳәа хыс измоу.
Зыӡбахә ҳамоу ашәҟәы зеиԥшшәа ҳналс-ҩалсны ҳа
лаԥшҳәаа иҵаагаз Владимир Басариа исахьаркыратә
ҩымҭақәа ирцәыжәлам, жанрлагьы, тематикалагьы
иреиԥшым. Ҵоуп, маҷк ирзааигәоуп агазеҭқәеи ажур
налқәеи рҿы иикьыԥхьхьоу ипублицистикатә ста
тиақәеи исахьаркыратә очеркқәеи. Ҳзыхцәажәо ашә
ҟәы аҟны аԥыжәара рымоуп адокументқәеи афакт
қәеи, насгьы ахҭысқәа аартны иҟоу шыҟоу (асахьаркы
ратә ҩымҭақәа рҿы ишыҟарҵо, ишаԥу еиԥш алите
ратуратә хаҿсахьақәа алагаланы, зны-зынла дара урҭ
рыԥсҭазаара, рхымҩаԥгашьақәа ирҷыданы автортә
хшыҩҵакқәа рыҵаҵәахны, аллегориатә ҟазшьа рыҭа
ны, ирмазеины акәымкәа) иааҭырҟьаны иҳәоуп аԥхьаҩ
нацәақәкыла ирбауа. Ари аформа – арҿиаратә цәаҩа
ашәҟәы ахаҭабзиара ҳаразкуа ируакуп, насгьы уи автор
даҳнарбоит дпублицист-ҭоурыхҩны.
Аҭоурыхҭҵааҩи ашәҟәыҩҩи зынӡа ихазы-хазуп, темак, хҭыск иахцәажәозаргьы, иаҳҳәап, аҭоурыхҭҵааҩы
ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы иҟалаз ахҭыс фактла ир
ҵабыргны, аҭҵааратә аргумент шьаҭас иаҭаны иҭи
ҵаауеит иусумҭа. Ашәҟәыҩҩы иакәзар, уи аҭоурыхтә
тематика иазкызар, дызҿу аҩымҭаҿы – усҟан иҟаз, иҟоу
афактқәа дрывамгылакәа, аха амахәҭа-шьахәҭа аҭаны,
арҿиаратә фантазиа ахыҭҳәаа ихы иархәаны, уцәа-ужьы
ианырыртә, исахьаркны, доуҳатә ԥсымчхарак аҵаны
иҟаиҵоит.
«Изхысҳәаауа, сзыхцәажәо «Аамҭа уадаҩқәа рԥы
шәара» ианыԥшит ашәҟәыҩҩы ишиҩыз, инапы ишы
ҵыҵыз, аха аҭоурыхҩҩгьы хара дышгылам, дшааи
гәоу. Убас, иҟоу аҩымҭақәа асахьаркыратә литерату
раҿы ирацәоуп. Ҿырԥштәыс иаҳгәалаҳаршәар ауеит
академик Е. Тарле иҭоурыхтә ҩымҭақәа: «Урыстәыла
1812 шықәсазтәи Наполеон иқәылара», «Наполеон».
Владимир Басариа ишәҟәы «Аамҭа уадаҩқәа рԥышәа
ра» иаԥхьалак имҩашьо ибоит, еиҳаракгьы ақырҭуа
мпыҵахалаҩцәа Аԥсны иазаарцахьоу, аԥсуаа ҳазҭа
дыргылахьоу ауаӷеимышхарақәа нагӡаны иззымдыруа
(ус иҟоугьы аумаҷху), аԥсуаа ақырҭуа жәлар рҿаԥхьа
изаҟаразаалак харак шрыдым, ишырҳәо еиԥш, хшыҩла
ишыкәабоу, ацәгьа аханатә изыршыз, изуз, аԥсуаа ми
лаҭк ҳасабла иқәырхырц (рымч ақәымхеит акәымзар)
иаҿыз дара шракәыз. Ари аҳақ згым ахшыҩҵак ашә
ҟәаҿы арахәыц ҟаԥшь еиԥш иагәылсны ицоит, ари нахысгьы агәаҽанызаара ӷәӷәа ҳазҭо идеианы иҟоуп.
Апрозаик, адраматург, апублицист, аԥсадгьыл апатриот Владимир Басариа ишәҟәы «Аамҭа уадаҩқәа
рԥышәара» иахьа Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи
ашьақәрыӷәӷәареи ҳанаҿу аамҭазы, изаамҭанымкәа ма
шәырла иҳаԥхаз, апоет, прозаик, аҵарауаҩ, ауаажәлар
ратә усзуаҩы Борис Гәыргәлиа ишазгәеиҭаз еиԥш, аим
периатә амбициақәа рыла ихәыцуаз Шевраднаӡеи уи
ибандеи, нас урҭ ирыцәнымхо изыхьчо, рхы зҿышуа
аполитикцәеи аргаманду иҿаԥнаҽуеит Аԥсны рнапаҿы
наунагӡа иааргарц азы еиҵарҟәаҟәаз, ашьарҩаш ка
зыршыз рус хәымгақәеи аԥсымҭәра згым рхаҿқәеи.
Владимир Басариа драматургк иҳасабалагьы аԥхьаҩ
цәа дырдыруеит, хыԥхьаӡаралагьы адраматә ҩымҭақәа
жәиԥшь аԥиҵахьеит.
Иаҳгәалаҳаршәап даргьы: «Абзиабара аицакра мариам», «Аҳауа иалоу атәыла», «Ахаҵарашәа», «Шьхатәы
лан адыд», «Амра шкәакәа», «Хырԥара зқәым», «Аны
ҟәаҩцәа», «Ашәахәа ссирқәа», «Машьашьеи Шьушьанеи
еицыкәашоит», «Азҿлымҳара», «Ахара здым», «Аҟьала»,
«Ашәҭ зқәыԥсоу аҵкы шкәакәа».
Абарҭ рахьтә жәа-пиеисак акьыԥхь рбахьеит ажурнал
«Алашареи» иҭыҵхьоу ишәҟәқәа рҿи. Адраматә ҩымҭа
«Хырԥара зқәым» атәы ҳҳәозар, асценатә ԥсҭазаара аиоуит СССР жәлар рартист, адраматург Шә. Ԥачалиа ихьӡ
зху Тҟәарчалтәи адраматә театр аҿы. Уи иаанарԥшуеит
иаҳхаагаз аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи ашықәсқәа
раантәи иуадаҩыз, ахәра зныз аха гәеиҵахара зых
ҭынхьааз, ахагәрагара зҵаз ҳажәлар рыԥсҭазаара. Ари
аспектакль (ықәиргылеит Аԥсны жәлар рартист Ш. Гыцба) ахәаԥшцәа гәахәарыла ирыдыркылеит, акьыԥхь
аҿгьы ахәшьара бзиа арҭеит.
Адраматә ҩымҭақәа рыӡбахә анысҳәах, абраҟа ины
бжьагалашәа акәзаргьы иазгәасҭеит уи «иажьрацәа
роу», иатәышьҭроу хшыҩзарақәак: Ишдыру еиԥш,
аханатә аахыс амилаҭ театр зыҟалом милаҭ драматур
гиада, уи ауп ԥсыс иахоу, аҿы зырцәажәо. Ииашоуп,
араҟа егьырҭ абызшәақәа рахьтә адунеи иадыруа ак
лассикатә ҩымҭақәа инарыгӡо ароль дуӡӡоуп. Шекспир, Шиллер, Лопе де Вега, Гоголь, Островски… уҳәа
рдраматә ԥҵамҭақәа иарбан милаҭ театртә сценоу
идмырԥшӡац, ари нахысгьы идмырыԥшӡара. Аха убас
шакәугьы, еиҭасҳәоит, амилаҭ театр милаҭ драматургиада изыҿиом, ԥхьаҟа изцом, аҟазара ахкаҿы ажәлар
рдоуҳатә культура аҭахрақәа наӡааӡаны иазхарҭәаауам,
уимоу, атәым цәа ахаларгьы ауеит. Даҽа зҵаароуп,
убри амилаҭ асахьаркыратә литературеи атеатри ҿыц
ршьапы ақәгылара ианаҿутәи апериод. Усҟан, ҳәарас
иҭахузеи, ихымԥадатәиуп егьырҭ абызшәақәа рҟынтәи
аклассикатә ҩымҭақәа инарыгӡо арольгьы. Аҿырԥш
тәы азы хара ҳазцарызеи, иаагап ҳсахьаркыратә литературеи ҳмилаҭ театри рҭоурых. Дырмит ду ҳмилаҭ
литературеи ҳмилаҭ театри анхацирк инаркны, аори
гиналтә ҩымҭақәа инарываргыланы зҿлымҳара рзиуан, рӷьажәҩра зуаз акы акәны дрыхәаԥшуан аиҭага
азҵаарагьы. Нацәақәкыла, ҳмилаҭ театр атәы ҳҳәозар,
уи аԥхьатәи ашықәсқәа раан еиҭагаз адраматә ҩым
ҭақәа ицхыраагӡа дуны инарывагылт адунеи иадыруа
аклассикатә ԥҵамҭақәагьы. Уи атәы аҭоурых салалом, хәыц-хәыц еиҿыршәшәаны иҭҵаауп ҳҵарауаҩ ду,
аҟазараҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Алықь
са Хәыта-иԥа Аргәын икопиталтә усумҭа «Аԥсуа театр аҭоурых» аҿы1. Аԥсуа театр амилаҭтә хаҿра аманы ашьақәгылараҿы акырӡа иаԥсаны иҟалеит Дырмит
Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Миха Лакрба, Симон Бжьаниа, А. Лашәриа, рдраматә ҩымҭақәа. Нас урҭ
ирыҵагылеит абаҩхатәра змаз аҩбатәи абиԥара иа
ҵанакуаз, ашҟәыҩҩцәа, адраматургцәа. Урҭ рдраматә
ҩымҭақәа рыла аԥсуа театртә ҟазара ахаҿра гәылҭәааит,
аԥсуа сцена амилаҭ цәа ахалеит, иазҳа-зыӷьеит. Иаҳ
гәалаҳаршәап рхаҭақәагьы: Ш. Ҷкадуа, М. Чамагәуа, Хә.
Џьапуа, Р. Џьапуа, С. Хәатланӡиа, Шь. Сангәлиа…
Абри аус ԥшьаҿы хәы змаӡам акы акәны иҟоуп
раԥхьатәи абиԥара иреиуоу ҳартистцәа дуқәа А. Агрба,
Л. Касланӡиа, Шә. Ԥачалиа, М. Зыхәба, И. Кәакәасқьыр,
А. Аргәын-Коношок, Е. Шьаҟрыл, М. Ақаҩба, С. Кобахьиа, Џь. Амқәаб уҳәа иҵегьы. Нас урҭ зҿыз амилаҭ ус

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 07
- Büleklär
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3544Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3625Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3481Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3557Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3558Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3377Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3530Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3530Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3545Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1346Unikal süzlärneñ gomumi sanı 10140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.