LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Кавказ иазку агәалашәарақәа - 1
Süzlärneñ gomumi sanı 3470
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
МУСҬАФА БЫҬӘБА
КАВКАЗ ИАЗКУ АГӘАЛАШӘАРАҚӘА
Ҭырқәтәыла аҭоурыхтә хеидкыла аҭыжьымҭа
Анкара -1990ш
Аиҭага: Окҭаи Чкотуа
Аредақтор: Ҭамила Аршба
АҞӘА-2009
АБИОГРАФИА
Мысҭафа Шьаҳан-иԥа Быҭәба ицныкәацәеи иареи Кавказҟа раара Ашьхаруаа Рреспублика
(Горская республика) ацхыраара, адгылара аҭара акәын изызкыз. Аха ишдыру еиԥш, Ашьхаруаа
Рреспублика (1918-1920 ш.ш.) нҵыра амоуит, Нхыҵ Кавказ, иара Кавказ зегьы акнеиԥш, усҟан
ишьақәыргылан Асовет мчра. Мысҭафа иызҩцәеи иареи Нхыҵ Кавказынтәи Қарҭ ианааи,
еицрыҵит: иҩызцәа Ҭырқәтәылаҟа амҩа иқәлеит, иара иабацәа, иабдуцәа ахьынхоз аҭоурыхтә
ԥсадгьыл ашҟа, Аԥсныҟа дааит. Иҽеимкәан иҟалаз, аԥсуаҵаруаҩ Мысҭафа Быҭәба Аҟәа данааи
нахыс имшынҵақәа ҿахҵәеит. Иҟоу агәаанагара ала, Мысҭафа имшынҵақәа рҵыхәтәа – Аҟәа
данааи нахыс ииҩыз макьаназы ибжьаӡны иҟоуп, ҭырқәшәала иҭрыжьыз ирбаз, ирԥыхьашәаз
ауп.
Аха Мысҭафа Быҭәба Аҟәаҟа иаара аныԥшит усҟан аԥсышәала иҭыҵыз агазеҭ «Аԥсны». Абар,
уи иҳанаҳәо: «Ари амчыбжьык азы ара, Аҟәа дааит ажәытә мҳаџьырра иагаз, Аҵабалтә Быҭә
Шьаҳан-иԥа Мысҭафа. Мысҭафа иуаҩыбжараҿы днеихьеит, аҵара змоу уаҩуп. Амҳаџьыр усқәа
рҵыхәала Акафказаҿы, Нхыҵи, Қарҭи дыҟоуижьҭеи быжьбаҟа мзы ҵуеит. Уажәы шьҭахьҟа,
Ҭырқәтәылаҟа даныхынҳәшаз аамҭазы Аҟәа даадгылт, аԥсуаа рыбзазашьа ԥыҭк еиликааразы,
уахьтәи амҳаџьырқәа рҭыӡшәа здыррацы зҭахугьы иреиҳәарацы. Ари еиԥш ауаҩдыр, аҵара
змаз ауаҩы дааит ҳәа анраҳа, Аҟәа иҟаз аԥсацәа зегьы еигәырӷьаны иԥылт, дырбеит»...
(«Аԥсны». Нанҳәа мза 28,1920ш. №31)
Иеизаз аԥсуааи асаси еиԥылеит, еицәажәеит. Асас изҵаарақәа рҭак аԥшәмацәа иҟарҵеит,
аԥшәмацәа рызҵаарақәа рҭак асас иҟаиҵеит. Мысҭафа излеиҳәаз ала, Ҭырқәтәыла аԥсуаа
ҩышә нызықь раҟара ыҟоуп, зегьы аԥсшәа рҳәоит, аҵара ду змоу, ауниверситетқәа
ирылгахьоу 2-3-нызкь ҩык ыҟоуп, арҭ ирылоу афилологцәа рацәоуп, аинралцәагьы ыҟоуп.
Аԥсуаа еиҳарак арроуп рҽыззыркуа. Бзазашьас хныкәгашьас ирымоу – араатәи аԥсуаа
иреиԥшуп: иларҵоит аџьықәреи, еиҭарҳауеит аҭаҭын... Аӷьычра, аҽабаақәа рӡара,
аԥсхәрақәеи, асабшахәқәеи реимдара ара ишыҟоу иеиԥшуп. Аҽықәтәара хҭакны ирымоуп...
Динс иныкәырго аԥсылманроуп. Ашьхаруаа зегьы ачерқьесцәа ҳәа ирышьҭоуп. Урҭ зегьы
рхыԥхьаӡара миллионки бжаки рҟынӡа инаӡоит... Аԥсуаа, еиҳарак аиҳабацәа, есқьынгьы
Аԥсны аҭыӡшәа рымоуп, урҭ рыхшарагьы Аԥсны агәыбылра рымоуп. Зегь арахь, Аԥсныҟа аара
рҭахуп. Аԥсуаа нхоит: Измиҭ, Адаԥазар, Ҳендеқь, Ақьиазы, Диузче. Есқьышьеҳир, Инегель,
Сивас, Самсун... Аԥсуаа нхоит, иара убасгьы Мысыр (Египет), Рабсҭан... Мысҭафа даара
деигәырӷьеит аԥсышәала иҭыҵуа ашәҟәқәа, агазеҭ аниба. «Шьҭа Аԥсны аԥсацәа шмыӡуа агәра
згеит», - иҳәеит уи (шәахә: Агазеҭ «Аԥсны» (1919-1921 ш.ш.). Аҟәа-2006. Ад.448-449).
Нанҳәа мза анҵәамҭазы (1920 ш.) Мысҭафа Быҭәба Аҟәантәи Ҭырқәтәылаҟа амҩа дықәлеит.
Иури АРГӘЫН
1-ТӘИ АШӘКӘЫ
ЖӘАБРАН 21.1920 ш.
Кавказтәи сныҟәарақәа ахьааи ашәарҭареи шрыҵазгьы, сара сзыҳәан акыр рыҵаркуан. Ари
аныҟәара иазкыз сгәалашәарақәа есымша ақьаад ианысҵартә еиԥш аҭагылазаашьа сымамызт.
Аха схаҿы инхаз, насгьы усҟан зынҵара сылшаз ахҭысқәа мыӡкәа сара сышьҭахьҟа иааиуа
абиԥарақәа рызнагаразы, 13 шықәса рнаҩс аҩра сҽазыскит. Ари аҩымҭа романым, иара
убасгьы ныҟәара жәабжьӡам. Аха мышкызны Кавказ иахьатәи, уаҵәтәи аҭагылазаашьа
иазхәыцраны иҟоу рзы изҿыԥшуа ак аҳасабала иҟалап, дырракгьы рнаҭап ҳәа сгәы иаанагоит.
ҲНЫҞӘАРА МЗЫЗС ИАМАЗ
Актәи: Актәи адунеитә еибашьраҿы Америкатәи аиҳабыра «Вилсон ипринципқәа» ҳәа сиак
адунеи иаладырҵәеит. Абарҭ апринципқәа рыҩныҵка Кавказаа зызҿлымҳахашаз хәҭак ыҟан,
уа иаҳәон «ихьыԥшу ажәларқәа рхьыԥшымра ажәлар дуқәа ишрыдыркылаша» атәы. Ус
анакәха, шәышықәса раахыс ахақәиҭреи ахьыԥышмреи рзы иқәԥоз Кавказ ажәларқәа иҟалаз
аҭагылазаашьа рхы иадырхәарц азы разыкаҵара аҭахын.
Аҩбатәи: Актәи адунеитә еибашьраҿы Ҭырқәтәыла аҵаханы адгьылқәа еиҳарак аӷацәа
рнапахьы иахьиасыз иахҟьаны уи ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ашәарҭара иҭагылеит.
Ахԥатәи: Кавказынтәи иаауаз аделегациақәа лассы-лассы сшырԥылалозгьы, исызцәырҵуаз
азҵаарақәа рҭакқәа рыҟаҵара цқьа сазхиамызт, сдырҭынчуамызт Кавказ ажәларқәа
реидгылара иазкыз схәыцрақәагьы.
Абарҭқәа рзы Кавказҟа сцаны иҟоу иану ашьхаруаа ирзеиҭасҳәарц сҭаххеит. Мусҭафа
Қьемал Ԥашьагьы дызлаз гәыԥҩык аиҳабырауаагьы анақәшаҳаҭха, делегациак сацны
Кавказтәыла қыҭа-қыҭала, қалақь-қалақьла ҳалсны иаҳбеит. Иага џьабаа ҳбазаргьы ҳажәлар
рҿаԥхьа ҳуалцшьа наҳагзеит...
НХЫҴ КАВКАЗТӘИ АХЕИДКЫЛА
Актәи адунеитә еибашьра ашьҭахь Урыстәыла амчқәа кәадахо иалагахьан. Мрагылараҿы
иаҵахаз Ҭырқәтәыла аиҳабыра ракәзар, аибашьраҿы ирцәыӡыз зегьы Амшын еиқәа акәшамыкәша ала ихадырҭәаар рҭаххеит. Убри аҟнытә хықәкыс ишьҭырхит Баҭым ампыҵахалара.
Урыстәылеи дареи наҟ-ааҟ ирыбжьагылашаз ԥсылман ҳәынҭқаррак Нхыҵ Кавказ
ишьақәдыргылар рҭахын. Абри рполитика анагӡаразы Бақәа иаԥырҵеит Азербаиџьан
аиҳабыра, Аинрал Мет Чанатука Иззет дызхагылаз ар еиҿкааны Нхыҵ Кавказнӡагьы инаргеит.
Абарҭқәа рыла ашьхаруаа ҳәынҭқаррак аԥырҵар, ацхыраара арҭараны ишыҟоу аҭыԥантәи
ауаа иддырбар рҭахын.
Абри ахықәкы инақәыршәаны, Стамбул иаԥҵан Нхыҵ Кавказаа рполитикатә хеидкыла. Ари
ахеидкыла усҟан амчра знапеҿы иҟаз аиҳабыра рпартиа «Иттиҳат Ҭерақьқьи» аҟынтә ԥарала
ацхыраара аиуан. Аҵыхәтәан, уи ахьыӡ Нхыҵ Кавказтәи Амҳаџьырқәа Рыцхырааратә
Хеидкыла ҳәа иԥсахын.
Нхыҵ Кавказаа рхеидкыла иаларҵон дара рполитика иадгылоз «Иттиҳат Ҭерақьқьи» аҟынтә
ауаа. Еиҳаракгьы, Енвер Ԥашьа иҟнытә ацхыраара ахьаиуаз азы ҷыдала иара зыгәра игоз,
абырҵкал икылхны ирыдыркылоз ракәын. Ари ахеидкыла Кавказтәи аполитиказы крызҵазкуаз
акакәны иҟан Ҭырқәтәыла, аха уи Кавказаа рмилаҭтә политикак ныҟәнагомызт. Ари азҵаара
ықәгылазаргьы, ихадамызт, избанзар, раԥхьа инаргыланы, инанагӡоз ԥарала иацхраауаз
рыдҵақәа ракәын. «Иттиҳат Ҭерақьқьи» ҩыџьа аинралцәа рнапаҟны иҟан, урҭ руаӡәы
дисламистын, егьи иакәзар, днационалистын. Кавказаа рхеидкылагьы аҩ-гәаанагаракгьы
еиднакылошәа иҟан!..
Абас ишыҟаз, «абџьар ашьҭаҵаразы аиқәшаҳаҭра» анрыбжьарҵа ашьҭахь аԥара
аагарҭақәагьы аныҟамла, ахеидкыла ашәқәа Кавказаа зегь рзы иаатит. Убасҟан ауп саргьы
салахәны саныҟала. Абри аамҭазы, ахеидкыла ахаҭарнакцәа Стамбул знапаҟны иказ,
аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа ирԥыланы Кавказ ԥасатәи иахьатәи аҭагылазаашьа зеиԥшраз
рзеиҭарҳәаны, ацхыраарагьы иаҳәеит. Ари аиԥылара акгьы алымҵзаргьы, азҵаара рлымҳа
аҟынза анагара алнаршеит. Ацҳаражәҳәаҩцәа ирԥылаз агәыԥ иалан:
1- Амаршал Фуат Ԥашьа (Ҭуӷа)
2- Хәсеин Ҭосун (Шҳаԥлы)
3- Асахьаҭыхҩы Исмаил (Зеиф)
4- Сара.
Ҳара абарҭқәа ҳшырҿыз, мышкы Англиаа рфицарк амилициагьы ицны, Беиоглу иҟаз
ҳхеидкыла ахыбра хада дақәлан, ҳазегьы ҳаимирпит, хдокументқәа шьҭыхны, ҳкассагьы
амҳәыр аарханы дцеит. Ҳаргьы адәы ҳаақәхеит. Иацы зыцхыраара ҳашьҭаз аҳәынҭқаррақәа
руак, иахьа абас иахьҳазныҟәаз даараӡа иџьаҳшьеит. Абасала, Ҭырқәтәыла аиҳабыра англиаа
рнапала иҳақәыӷәӷәо иалагеит.
Аҵыхәтәан, ҳхеидкыла ахьыӡ ԥсахны аполитика ҳшалахәым дҳарбарц ҳаӡбеит, арахь ҿыц
иааиз Аиҳабыра ҳара «Иттиҳаҭ Ҭерақьқьи» ашьҭра ҳақәланы уи апропаганда азызуаз гәыԥны
ҳаԥхьаӡаны, англызқәа рыруаа ҳацәгьа рарҳәозаарын. Урҭ ас изхәыцуаз иҳалахәыз ҳҩызцәа
реиҳараҩык уаанӡа «Иттиҳаҭ Терақьқьи» иахьалаз азакәын. Уи ашьҭахь ҳалахәылацәа ԥыҭҩык
Молҭака иахыргаз ауаа ирылашәеит. Хәсеин Ҭосуни, аҩныҵкатәи аусқәа рминистр Исмаил
Џьамнбулатгьы абарҭ ирылан. 1919 шықәса рашәарамзазы ҳхеидкыла ашә адыркит. Хәсеин
Шемси Ефендии сареи иҟаз зегьы ааидкыланы, қьаадк инанҵаны ҳнапы аҵааҩит. Насгьы
инаганы «Бешьиқьҭаш Анас Ҭереқьқьи Меқҭеби» захьӡыз ашкол аҟны аамҭала инҳажьит. Уи
ашкол ҳаԥхьаҟа сахцәажәараны сыҟоуп.
Иеидаҳкылаз амаҭәахәқәа рсиа абас иҟан.
Ҳдокументқәа 765 цыра.
«Аибашьраҿы кавказаа», 99 цыра (ашәҟәы)
Нхыҵ Кавказаа русура, 133 цыра (ашәҟәы)
Нхыҵ Кавказ иазку абиблиограифа 460 цыра
Идуу Кавказтәи ахсаала, 3 цырак
Ихәыҷу Кавказ ахсаала, цырак
Ҩ-цырак -идуу, х-цырак - ихәыҷу ауарҳалқәа
Ачаиршыга /самовар/ цырак.
Насгьы аҩыгақәа, ақьаад ани ари...
Сара усҟан уи ашкол аиҳабыс саман, уи адагьы Галаҭасараии Дарушшафакеи рлицеиқәа
рыҟны сырҵаҩын. “Анас” захьӡыз ашкол раԥхьаӡа даара ҳаҭыр зқәыз, аҵара змаз черқьес
ԥҳәыск иаалыртит. Нас, Иусуф Ҳалид напхгара аиҭон, аҵыхәтәан, сара сахагылеит.
Аибашьра аамҭазы ашкол аарлаҳәа ахы ныҟәнагон. Сара иҳагыз арҵаҩцәа рҭыԥан аус
шызуаз скарахон. Хәыда-ԥсада иаҳарԥхьоз аибашьраҿы иҭахаз рхәыҷқәа рзы аҳәынҭқарра
иаҳнаҭоз ацхыраара акырӡа имаҷын.
Нхыҵ Кавказаа рхеидкыла анадыркы, алахәылацәа ана-ара иеизо иалагеит. Арҭ аизарақәа
рҿы зны-зынла иаҭахымыз ацәажәареи аимакқәеи ҟалалон. Избанзар, изыхәҭаз, изыхәҭамыз
зегьы алахәын. Исхашҭуам, мышкы асасааирҭа Пераԥалас аҟны Фуат Ԥашьазаде Ҳидаиеҭ Беи
иуадаҿы ҳаизеит. Аимак-аиҿакқәа шцоз Беҳир Сами Беи ииҳәаз ажәақәак рзы Мет Чанатука
Иззет Ԥашьа инапы анеиниҟьа, Беҳир Сами Беи дгәаан, ӷәӷәала иеицәҳаит. Сгәаанагарала,
маӡала имҩаԥысуаз еизарак аҿы анапеинҟьара аҭахымкәаны иҟазаргьы, ари азы аинрал
дуӡӡак игәы анырхара иашамызт. Знызынлагьы, зынӡа аҵара-дырра змамыз аӡәы ажәа
дналаԥаланы аицәажәара хыла-гәыла еилеиҵон.
РАԤХЬАӠАКӘНЫ ГЬИОНЕНҞА СНЕИРА.
Аибашьра аамҭала ианаанкылаха ауааԥсыра рыбжьара иаҭахын аидгылареи
аҳәоуеиқәшәареи, абри азҵаара инадҳәаланы Гьионенка ацара сыдырҵеит. Ари ақалақь
иеиуаз Гецев Беқьир ҳәа аӡәы днасыцырҵеит. Уи дызусҭаз, ус ҳәа дызҿыз, акымзарак
сыздырӡомызт.
Ԥхынран, ашколқәагьы рышә аркын. Сара сыда даҽаӡәы иус кажьны, ихатә харџь ала уахь
дцарангьы дыҟамызт. Уаҳа ԥсыхәа аныҟамла, сҩыза ҿыц Беқьир Гьецев дҩышьҭыхны, раԥхьа
Банԥырма, уаантәи Гьионенка сдәықәлеит.
Гьионен ҳаннеи аухаҵәкьа сҩыза «Ҳәрриеҭ ве Иҭилаф» (ахақәиҭреи аинаалареи) апартиа
ахыбрахь дымҩахыҵит. Ҳахьнеиз хықәкыс иҳамаз ихашҭын, аполитикатә усқәа иҽрылеигало
далагеит. «Ҳара ҳус апартиа усқәа рынагзара акәӡам, ҳажәлар мҩахымҟьарц азы
ҳрылабжьаны ус бзиак ҳзынагӡозар ҳәа акы ҳаҿызароуп» ҳәа аниасҳәа, «Иттиҳаҭ Терақьқьи»
апартиа уалоуп ҳәа гәыбӷан сиҭо далагеит. Анцәа иҟынтә, Гьионен ақалақь ахада Ҭевфиқь Беи
ицхыраарала арахь ҳара дҳацныкәо далагеит. Тевфиқь Беи излеиҳәаз ала, Гьиенон ақалақьи
акәша-мыкәша иҟоу ақыҭақәеи рҿы ачерқьесцәа (кавказаа) иҽеим усқәак (арҳәра, аӷьычра),
ныкәашәақәак ҟарҵазаргьы, иахьынӡарҳәо аҟара аҭагылазаашьа шәарҭамызт. Аха урҭ
уажәнатә иаанкыламзар иахькылсуаз уаҩы издыруамызт. Иҽеимкәа иҟазгьы, арра
иацәыбналаны иҟаз ачерқьес арԥарацәақәак ауаа иахьрықәлоз, иахьдырҳәуаз акәын. Убри
аҟнытә арҭ аҷкәынцәа еизганы рацәажәара аҭахын. Аҳәынҭқарра ашәарҭара ианҭагылаз
аамҭазы иҟарҵоз шиашамыз рхы иҭагалатәын. Ҳзырманшәалоны иҟаз, арҭ ауаа рызегьы
Ҭевфиқь Беи хьыӡҳәала идыруан. Хара имгакәа уи ачерқьесцәа реиҳабацәа ааизганы
ҳазусҭцәаз, ҳаззааз рзеиҭеиҳәеит, иреиҳәеит атәыла ашәарҭара ианҭагылоу аамҭазы ԥыҭҩык
аҿар иҟарҵо ацәгьаурақәа Наҟ-наҟ жәларык зегьы рзы ишхьымӡӷхо. Убри аҟнытә арҭ
ацәгьауцәа амчратә усбарҭақәа рыла раанкылара рылдыршарц дрылабжьеит. Ари аицәажәара
ашьҭахь, ақыҭақәа ҳрылаланы дара ацәгьауцәа ҳрацәажәарц ҳаӡбеит. Жәаҩык раҟара ауаа,
ҳаҽқәа ҳнарықәтәаны ацәгьауцәа реиҳарак ахьыҟаз қыҭак аҿы ҳнеит. Дара абаҳбоз, аха
рҭахцәеи реиҳабацәеи ҳрацәажәеит. Урҭгьы ҳгәаанагара иақәшаҳаҭхеит, рыҷкәынцәа
шааныркыло ала ажәагьы ҳарҭеит. Ашьҭахь Банԥырмаҟа ҳхынҳәит. Ара исыцыз сҩыза еиҭа
апартиа усқәа напы анрылаик, сара сицрыҵны, ауаса згоз ӷбак сақәтәан, Стамбулҟа амҩа
сықәлеит. Стамбул санааи, иҟаз-ианыз сҩызцәа еизганы ирзеиҭасҳәеит. Иара аиҳабырагьы
иҟаҳцаз аныҟәара даара иргәаԥхазаап.
АЧЕРҚЬЕС ҲӘСАҚӘА
РЫХЦЫРААРАТӘ ХЕИДКЫЛА
Нхыҵ Кавказтәи Ахеидкыла анеимпы ашьҭахь уи иалаз зегьы аизарҭа рымамкәа инхеит.
Кавказтәи аҳәсақәа аҳажәлар ацхыраара рыҭаразы Хеидкылак анаԥырҵа, ҳаргьы зны-зынла
урҭ рхыбраҿы ҳаизарақәа мҩаԥаҳго ҳалагеит.
Иҟалаз аҭагылазаашьа ҷыда иахҟьаны «Анас Терақькци» захьзыз ҳашколгьы аҳәса
рхеидкыла иадаҳцеит. Аҳәса абольшевикцәа ирцәыбналаны Стамбул иааз амҳаџьырцәа ашкол
ахыбраҿы ҭыԥк рзыԥшааны индырхеит, рхәыҷқәагьы ашкол иҭарҵеит. Абас ала, ашкол иҭаз
ахәыҷқәа реиҳараҩӡак Кавказаа ракәхеит, убри аҟнытә ашкол ахьыӡгьы «Ачеркцес ҭыԥҳацәа
рышкол» ҳәа иԥсаххеит. Ахыбрақәагьы ирыцҵаны идырҭбааит.
Абарҭқәа зегьы зыбзоураз ахеидкыла ахада Ҳаирие Мелеқь Ҳәынҷи ахеидкыла
амаӡаныҟәгаҩы Емине Ҳаными ракәын. Ԥарала ацыхраара риҭеит Меҭ Иззет Ԥашагьы. Саргьы
ашкол еиҳабыс сарҭарц анырҭахха, ахьӡ-аԥша змаз ари аус ԥшьа иаразнак сақәшаҳаҭхеит. Аха
дук мырҵыкәа апрограмма аганахьала аимак анҳабжьала, смаҵура шьҭасҵар акәхеит.
Еимактәыс иҳауз, ахеидкыла анапхгара аҵара зегьы черқьес бызшәала иҟалар рҭахын, сара
сакәзар, ҭагылазаашьала ҳахьеиқәшәамыз азы ари шалымшоз здыруан аҟнытә, аҵара
ҭырқәшәала имҩаԥысырц, аха ачерқьесшәагьы дырҵаразы хазы аклассқәа раартра
рыдызгалеит. Ианырмуӡа ҳамҩақәа хазхеит.
АШӘҞӘҬЫЖЬРАТӘ ГӘЫԤ
Меҭ Иззеҭ Ԥашьа хадара ззиуаз анбан аиқәыршәаразы агәыԥ еиҿаҳкааит. Ари агәыԥ алаҭин
нбанқәа рхы иархәаны черқьес бызшәалеи аԥсышәалеи иагыз ҩ-нбанк аԥырҵеит. Агәыԥ
ааԥсарак ҟамҵаӡакәа аусура иаҿын. Саргьы ари агәыԥ салан, Аԥсуа нбан еиқәзыршәазгьы сара
сакәын. Аҩ-нбанкгьы агәаҭаразы иқәҳаргылеит ҳхы иаҳархәацыԥхьаӡа агха-ԥхақәа гәаҭаны
ариашаразы. Амала ҳанбанқәа инарҭбааны ахархәара рмоуӡеит. Уи аамҭазы Анатолиа
иеиҿкаахаз Куваи Миллие иахҟьаны (Ататиурк иеиҿикааз) ҳгәыԥ аҽеиҩнашеит. Аимак-аиҿак
аныӷәӷәаха анапхгара иалаз еиҳарак Анаҭолиаҟа ицеит. Еиҭа ахеидкыла еимпит, анбан усгьы
мҩабжара инхеит. Ашкол амаҭәахәқәагьы ҭины ауалқәа аныршәоз, сара истәны уа ирылазгьы
иахьца иахьаа сзымдыруа исцәызит.
Стамбул атәанчаҩцәеи аполитика иахәаҽны иамаз ауааи рыда аӡәгьы днымхеит. Урҭ Кавказ
азҵаарақәа раасҭа Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа ракәын хьаас ирымаз. Иага ҟасҵазаргьы
аҭагылазаашьа аԥсахра сылымшеит.
НХЬЫҴ-КАВКАЗТӘИ АДЕЛЕГАТЦӘА
Актәи адунеитә еибашьрары Урыстәыла амчқәа кәадахо ианалага, арегионқәа рыҟны
аиҳабыраҿыцқәа цәырҵуа иалагеит. Убарҭ иреиуан Азербаиџьан, Қырҭтәыла, Нхыҵ Кавказтәи
аиҳабырақәа.
Хыхь ишазгәасҭаз еиԥш, Нхыҵ Кавказтәи аиҳабыра апҵара Иттиҳаҭ Терақьқьиаа рполитика
иақәшәон аҟнытә, уантә иаауаз аделегациақәа ҳаҭырла ирԥылон, ацхыраарагьы рырҭон.
Мышкы Нхыҵ Кавказ ахада Абдулмеџьид Чермоиеви, адәныкатәи аусқәа рминистр Ҳаидар
Баммати, Аԥснытәи аделегат Симон Басаиреи еицны Стамбул иаҳзааит. Иахьынхоз асасааирҭа
Пераԥалас ашҟа рбара ҳәа снеит. Кавказ иазкны ареспублика ахада сахьиацәажәаз уи
иажәақәа роума, ихәыцшьоума гәыӷра ҳәа акгьы сырымҭеит.
Абдулмеџьид дчеченуп, аҳәынҭқар Николаи иааигәа игылаз дреиуан, анефтыҵхырҭақәа
змоу, аурыс культура здызкылахьаз, қьафура бзиа избоз арԥыск иакәын. Уи, Кавказаа
рхьыԥшымра дадгылаҩын иҭагылазаашьа бзиа ахьчаразы. Кавказаа дырхагыланы аурыс
ҳәынҭқар ихаан имаз аԥсҭазаара бзиа иациҵарц иҭахын.
Ҳаидар Баммаҭ дкумукуп. Ихшыҩ ҵаруп. Аҵара бзиа имоуп. Аурыс бызшәа адагьы
афранцыз бызшәеи, анемец бызшәеи бзианы идыруеит. Иԥшра-исахьа, иоура-иҭбаарала зегьы
рылаԥш дыҵашәоит. Ахақәиҭразы ашьхыц еиԥш аус зуа дыруаӡәкуп.
Симон Басариа Аԥсны жәлар реизареи, Нхыҵ Кавказтәи аиҳабыреи рганахьала делегатс
дыҟоуп. Иара убас Стамбултәи аделегациа дахаҭарнакуп. Урыстәыла аҵара зауз, змилаҭ бзиа
избаӡо рԥыск иоуп.
Али Ҳан Кантемир иакәзар, аделегатцәа раԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкуп. Уигьы Урыстәыла
аҵара зауз, акыр иаԥсоу аиуристцәа дреиуоуп, ахақәиҭразы аӷьараҳәа иқәԥо дрылоуп.
Азербаџьани Қырҭтәылеи рделегатцәа ыҟамызт аҟнытә сызрыхцәажәаӡом. Урҭ Урыстәыла
абольшевизм аҽырҭбааны Кавказ аҳәаа ианнадгыла иқәҵны Парижҟа ицазаап.
Абас, Кавказынтәи иаауаз аделегациақәа лассы-лассы сырԥыларазы азыҟаҵара бзиа
аҭахын, избанзар зҵаара шәкы сызцәырҵуан -иаауаз ауаа зусҭцәадаз, изеиԥшрауааз,
иабанӡапатриотцәаз, Кавказ ахақәиҭраз ирымаз аполитикатә ԥышәа абанӡазхоз? Арҭ
азҵаарақәа сышрызхәыцуаз Ебубеқир ԥлиев захьӡыз даҽа делегатк Стамбулҟа дааит. Аха
арахь даиаанӡа Сивас ақалақь аҿы Мусҭафа Қьемал Ԥашьа диԥылазаап. Инарҭбааны Кавказ
азҵаарақәа ианрылацәажәа ашьҭахь, Ҭырқәтәылантәи гәыԥк Кавказҟа идәықәҵатәуп ҳәа
рыӡбеит. Ари агәыԥ Қарҭ иҟоу Нхыҵ Кавказаа аамҭалатәи реиҳабыра анапаҵаҟа иҟалар акәын,
урҭ рыдҵала аус аураны иҟан. Иара абри аамҭазы Сивасынтә иааиз Васыф Беигьы дналархәны
Беқир Сами Беи иҩнаҭаҿы еизарак мҩааԥигеит. Ари аизараҿы Васыф Беи даеазнык Кавказҟа
агәыԥ ашьҭра Сивасгьы ишақәшаҳаҭу ҿыӷәӷәала ианиҳәа, ицараны иҟаз рсиа ааиқәыршәаны
Исмаил Беркок Беи иаҳҭеит. Нас шаҟа ԥара азоужьызгьы иалацәажәеит. Агәыԥ иалаз хаз-хазы
150 лир, аруаагьы рыцыԥхьаӡа 15 лир рыҭахон. Макьаназы асиа иалаз ауаа абарҭ ракәын:
Исмаил Беркок (аполковник)
Сара
Ҭевфик Беи (аԥырҩы -акапитан)
Исмаил Ҳаққы (алеитенант еиҳабы)
Алеитенант Џьуди
Алеитенант Музаффер
Аррамаҵуразы иҟаз арҵаҩцәа фҩык.
Арҭ ирзоужьыз аԥара Кавказаа рхеидкыла иацәынхаз 1000 лир ракәын. Ари аԥара
асахьаҭыхҩы Исмаил инапаҟны иҟан, уи аус аируан. Аԥара анаҳзыршоз сара сахьақәымшәаз
азыҳәан, сара сыхәҭаа нас исиҭарц азы Беқьир Сами Беи иҷкәын инапы ианырҵазаап. Аруаа
рытәгьы алеитенант Ҳаккы Беи ирымихзаап. Агьырҭ зегьы рԥарақәа дара рхаҭақәа иргеит,
ушьҭа амҩа ақәлара ада уаҟа ус ҳамамызт. Аделегат Бубеқир Ԥлиевгьы ҳара дҳацзаауан.
1920 шықәса жәабран мза 2 рзы Гьиулниҳал захьӡыз аӷбала хдәықәларц ҳаӡбеит.
Стамбулынтәи агарнизон аԥыза Али Саит Ԥашьа, аус ахьызуаз Галатасараитәи алицеи ахь
днеины ҳаиҳабы диацәажәеит. Ари аицәажәара ашьҭахь ҩымз схы сақәиҭыртәит. Иаразнак
сыҽсырхиеит, Европаҟа сцошәа, сымаҭәа-сҩыҭәа ааидыскылеит.
Ишысҳәаз еиԥш, жәабран ҩба рзы Сирқьеџьи асқьала иадгылаз аӷбахь снеит. Аҩызцәа
зегьы аӷбаҿы ҳаиқәшәараны ҳаҟан. Арра иатәыз даеа ӷба хәыҷык ала акапитан Саадеттини,
асахьаҭыхҩы Исмаили, Беқьир Сами иҷкәыни, ԥыҭҩык ҳҩызцәеи ҳнаскьаргарц азы иааит.
Ҳгәыԥ иалаз Исмаил Беркоки, Исмаил Ҳаккы Беии ракәзар, усҟан русқәа изрылымгацызт
аҟнытә даеа ӷбак ала иҳахьӡарц рыӡбеит. Хдәықәлаанӡа Исмаил Ҳаққы ируаа армаҭәақәа
рышәҵаны иааҳадгылт. Арҭ аруаа зегьы милаҭла иаҭырқәцәан, амала аҟазшьа бзиа змаз,
ауаҩра злаз, ибзианы иааӡаз шьоук ракәын. Ҳныҟәара ахы инаркны аҵыхәанӡа иаадырԥшыз
руаҩреи рыламыси иахьагьы исхашҭуам. Ҳаӷба ахәылбыҽха амҩа иқәлеит. Ебубеқьир
Ԥлиевгьы ҳара дҳацын. Кавказ аҭагылазаашьа бзианы издыруаз, уаанӡагьы амшын ҵаҟала
иныҟәоз ӷбак ала уахь ицахьаз Азиз Меқьер Беи иакәзар, Қарҭ даҳзыԥшын. Исмаил Беркокгьы
дҳашьҭаланы даннеилак, уаҟа иҟаҳцаша, иаҳуша ҳрылацәажәараны ҳаҟан.
Сара исыхәҭаз аԥара Беқьир Сами Беи иҷкәын игахьан азы, аӷбаҿы исиҭар акәын, аха исиҭаз
50 лир заҵәык роуп. Иаанхаз 100 лиракгьы алеитенант Исмаил Ҳаққы ила исықәиршәараны
дыҟазаарын, аха аԥарагьы смоуит, исызҭараны иҟазгьы уаҳа дсымбеит. Рыцҳарас иҟалаз,
Исмаил Ҳаққы сара сԥара ада, аруаа рԥарагьы иман, уи данымаа аӷба иҭалахьаз аруаа мааҭк
аԥара рымамкәа иаақәхеит. Иҟалаз реиҳабы иансеиҳәа аҩызцәа ирзеиҭасҳәеит, аха хьаас
ишьҭырымхуашәа анызба, сара аӷбаҿы исоуз 50 лир наганы дара ирысҭеит. Ажәа ԥхақәакагьы
нараҳәаны ргәы ҟасҵеит.
РАԤХЬАТӘИ АԤШАТЛАКӘ
Трабзон азааигәара амшцәгьа ҳахьӡеит, аԥша бааԥс ҳақәшәеит азы шьҭахьҟа ҳхынҳәны
раԥхьа ҳзықәшәаз амшынбаӷәазак аҿы ҳеыԥхьаҳкит. Ҩымш ҳаԥшит, ахԥатәи амш азы
ианҭынчраха, Трабзонҟа хдәықәлеит. Трабзонгьы уахык ҳаԥхьеит. Ҳазегьы документ ҳәа акгьы
ҳамамызт аҟнытә амилициа гәрамгарыла иҳахәаԥшуа иалагеит, анцәа иҟнытә, агарнизон
аԥыза Али Рыза Беи иахдыруаз иакәын. Уи ибзоурала Баҭымҟа ҳцара акгьы аԥырхагамхеит.
РИЗЕ
Ризе ҳаннеи ашьҭахь аԥшатлаҟә еиҳагьы аҽарцәгьеит. Жәамш ара ҳанхар акәхеит. Ара Ризе
ажандармцәа реиҳабы амаиор Нааџьи Беи исасдкылара ҳхашҭуамызт. Даараӡа анамыс змаз,
зыжәлар бзиа избоз аӡәы иакәын. Ризентәи ҳашиашаз Баҭымҟа ҳазцомызт азы раԥхьа Хоԥа,
уаантәигьы Баҭым ҳцап ҳәа ҳаӡбеит. Аԥра хәыҷык ала ҳамцозар уаҳа ҳазлацаша ҳәа акгьы
ҳамамызт. Уи Маҭараџьы Меҳмеҭ Беи ихахьы игеит. Ари ауаҩы мааҭк аԥара ҳамымхӡакәа
Баҭымҟа ҳаигеит. Аиашазы ари ус дуӡӡан. Жәамш раҟара Ризе ҳаҟанаҵы аруаагьы
рырмаҭәақәа ԥсахны азеиԥш маҭәақәа рзааҳхәеит, уигьы сара схарџь ала акәхеит. Иҟаҳҵарыз,
знык амҩа ҳаицықәлеит, шьҭахьҟа хынҳәышьа ҳамамызт.
Амш анеилга ҵхыбжьон Хоԥаҟа хдәықәлеит. Ризетәи ҳҩызцәа ҳамҩа иақәныҳәаны
ҳнаскьаргеит. Саргьы рысасдкыларазы иҭабуп ҳәа расҳәеит. Аԥрашхәа ҳақәтәеит. Жәабран
мза анҵәамҭахь инеихьан азы аҳауа кырза ихьшәашәан. Амш еилгеит. Аԥшатлакә
аангылазаргьы амшын макьана иҭынчмызт. Сара амшын сԥырхагамызт, аха ԥлиев амшын
инааломызт аҟнытә цәгьала дқьынцыцын Хоԥа ԥырхагада ҳнеирц азы анцәа диҳәон.
Ризе сшьапқәа ашәрақәа иркит. Ӷәӷәалагьы ахьаа снаҭеит. Арратә ҳақьымк исиҭаз ахәшәқәа
ныҟәызгон, иара Стамбулгьы амҩа ҳақәлаанӡа ахәшәқәа рацәаӡаны иаасхәахьан. Есымша
сшьапқәа амшын ӡы ала иӡәӡәаны ахәшәахьысшьуан. Сыхәрақәа Даӷьсҭанынӡа сдыргәаҟит.
Ишаанӡа Хоԥа ҳнеихьан. Агаҿы ҳзықәшәаз каҳуажәырҭак аҟны хымш раҟара ҳаангылар
акәхеит. Икьакьаӡа ӷәык ҳақәианы ҳацәеит. Арҭ агәаҟрақәа ирыхҟьаны алеитенантцәа
Музаффери Емини шьҭахьҟа ихынҳәырц рыӡбеит. Иага расҳәандазгьы, «ҳарааибашьра ҳалҵит,
иаҳхаҳгаз аџьабаа ҳазхоит, уаҳа ҳалшом» рҳәан, ҳааныжьны шьҭахьҟа ихынҳәит.
Ризентәи Хоԥаҟа ҳанцоз ашхәаҿы Хоԥа ҿыц еиҳабыс иарҭаз Ҳаири Беигьы дҳацын. Уи
инапы ианырҵаз амаҵурахьы амҩадықәын. Ари ауаҩы Сириатәи ачерқьесцәа дреиуан.
Иреиҳаӡоу арҵаҩратә школ далгахьеит, акыр иаԥсоу, ахшыҩ змоу арԥыск иакәын. Иареи
сареи ҳаибадырхьан Стамбул рҵаҩыс аус аниуаз. Ушьҭа арҵаҩра дакәыҵны анапхгарахь
диасзаап. Ари ҳаиқәшәара џьара иҳахәап, ма Хоԥа ҭыԥк аԥшааразы дҳацхраап ҳәа сгәы
иаанагеит, аха башан. Хоԥа ҳаннеи ҳара ҳакәым, ихаҭа дахьыԥхьаша ҭыԥк изымԥшааит.
Раԥхьатәи амш азы даҳбаразы аиҳабыратә усбарҭахь ҳаннеи, дӡыӷ-ӡыӷуа иҭацәыз уадак
дыҩнагылан. Хоԥа аӷа раԥхьаӡа дахьақәлаз аҭыԥқәа иреиуан аҟнытә хыҵакырҭак аԥшаара
даараӡа иуадаҩын. Хымш акаҳуажәырҭаҿы ҳаныԥхьа ашьҭахь, амшын аҿықә ихықәгылаз
хыбрак аҿы инхоз аруаа ҳрыцҳашьаны уахь ҳаннарыԥхьа ашьҭахь маҷк ҳаԥсы еиваҳгеит. Хоԥа
аԥсабара даараӡа иԥшзоуп, аха ақалақь еилаҳаны иҟоуп.
Ара мчыбжьык ҳанхеит. Ари аамҭазы Баҭымҟа иҳашьҭыз ауаагьы хынҳәит. Избанзар уи
аамҭазы Баҭым ақалақь Англиаа рнапаҵаҟа иҟан, рыруаагьы иахьабалаак агәаҭарақәа
мҩаԥыргон. Урҭ рылаԥш ҳаҵамшәакәа аӡхыҵра акырӡа иуадаҩын, избанзар ҳшааныркылаз
еиԥш иааҳгәыдҵаны ҳшыршьуазгьы бзиаӡаны иахдыруан. Амала Меҳмеҭ Беи иуаажәлар убри
аҟара рус иазҟазан, иаармарианы, ҳнаганы Баҭым уаанӡа иалырххьаз аҩны ҳныҩгарҵеит.
Ҽынла англиаа реибашьыга ӷба амшын иахьхыз иахҟьаны ҵхыбжьон амш ҳақәлеит. Ари
аӷба ҳара Ризе ҳаныҟазгьы иааин агаҿа инадгыланы аруаагьы ԥыҭҩык зхыҵны ақалақь
иналаԥш-аалаԥшны ихынҳәны ицахьан. Ҳаргьы абри ахҭыс аамышьҭахь уахынла мацара
аныҟәара ҳеазаҳкит.
Хоԥантә ҳандәықәла ашьҭахь амшын еиҭа аҽарыцәгьеит. Ҳашхәа иамаз аматоргьы
бжьысит, убри аҟнытә амҩан аԥрақәа аартны мацара ҳцар акәын. Иара Баҭымнза убас ҳнеит.
Баҭым агаҿаҿы англиаа реибашьыгатә ӷбақәа гылан. Ҳашԥаӡхыҵуаз? Ҳаззегьы ҳшәаԥырҳаԥуа
ҳаҟан. Амала ҳамҩаԥызгоз ауаа ргәымшәареи рԥышәеи анаҳба ҳара ҳшәарагьы ааҳхыҵит.
Баҭым ҳаназааигәахоз ҳалашарақәа ҳарцәеит ҳаргьы ҳахәхәаза асаараҿы ҳиеит,
ацәажәара, асигарет ахара, акагьы азин ыҟазамызт. Амшын абжьы ада ҷыт бжьык умаҳакәа
ашьшьыҳәа аԥшаҳәа ҳазааигәахон.
Аҵыхәтәан, аԥшаҳәа ааигәаӡа џьара ҳаангылеит. Ҳаԥсыԥҵәкьа еиваҳгомызт, акаԥдан
ашьшьыҳәа «шәымаҭәа-ҩыҭәа акагьы шьҭышәымхын, шәызегьы амшынуаа рҟәаҟәа
шәықәыртәаны шәыӡхаҳгоит. Уаҟа шәара шәахьаҳҵәахыша аҭыԥ мазеиуп. Ҽынлагьы ақалақь
шәалахҵоит, шәымаҭәақәагьы шәахьыҟалаша аҩнахьы ҳара ишәызнаҳгоит» иҳәеит. Ишиҳәаз
еиԥш, рыбӷаӡара аҟынӡа аӡы иҭагылаз ауаа ҳаззегьы рҟәаҟәа ҳақәыртәаны мацара
ҳмырбааӡаӡакәа ҳаӡхыганы ааигәа игылаз аԥсыӡкыҩцәа иртәыз қьалак аҿы ҳнаргеит, араҟа
шаҟа ҳгәаҟыз аиҭаҳәара даара исцәуадаҩуп. Ақьала кырӡа иҭшәан насгьы метрабжак аҟара
иҳаракын, атәараҵәкьагьы ҳалшомызт, арахь аҩныҵка иеиқәыз амца иахылҵуаз алҩа
ҳаблақәа ҭнахуан. Ақьала ҩыџьа абырзен ԥсызкыҩцәа иртәызаарын, арҭ ауаа ироуз аԥара ала
уахык ҳахьчара рхахьы иргазаап. Цәгьаԥсышьала иҳаршеит, ашьыжь ҳахьчаҩцәа ааин
икахҵашақәа ҳарҳәеит. Изларҳәоз ала, хәба-жәаба минуҭ аҟара бжьажьны аӡәаӡәала ақьала
ҳаҵыҵны, ҳаԥхьа ицоз ауаҩгьы дмырзкәа, ҳаишьҭагыланы ҳцар акәын. Ҳаизааигәахарагьы
ҟаломызт, ҳаицәыӡыргьы. Абас ала ҳахьнеиша ҳаннаргалак ҳаазгаз амшынуаа рус
хыркәшахон. Уи аамышьҭахьтәи аус ҳаԥшәма ҿыц инапы ианызаауан. Ииашаҵәҟьаны ҳхәыц
камшәаӡакәа ҳҭыԥ ҿыц аҟынза ҳнаргеит, адырҩаҽны ҳамаҭәақәагьы ҳазнаргеит. Ҳаргьы
излаҳалшоз ала, ргәы ҟаҳҵеит, аха ираҳҭаз аԥара иҟарҵаз аус азы аӡбахәгьы уҳәаратәы
иҟамызт.
Ҳара Хоԥа ҳаштәаз, дара араанӡа иааны ҳусқәа зегьы аҭыԥ иқәҵаны, нас еиҭа Хоԥаҟа
ихынҳәны, даеазнык ҳрыманы Баҭымҟа ҳаргеит. Закәытәуаҩроузеи, аиашазы, ари хашҭра
ақәзам. Баҭым, абаза Мусҭафа Беи ҳәа ахәаахәҭҩы идәқьан аҩбатәи аихагылаҿы иҟаз иофис
аҟны ҳаангылт. Мусҭафа Беии иашьа Ахмед ихәҳахәҭҩцәоуп. Уи адагьы Ҭырқәтәыла аиҳабыра
рганахьала уск мҩаԥгатәызар дара роуп ԥызара азызуа. Даара иҟәышу насгьы игәымшәоу
уаауп. Ҩаха раҟарадара рҿы ҳсасын, ишахәҭаз ала ак ҳагмыжькәа ҳамҩыаԥыргеит. Қарҭ
ҳазлацашаз адокументқәагьы ҳзеиқәдыршәеит, арҭ адокументқәа изларҳәо ала ҳара
ҳазербаџьантәқәан. Мусҭафа Беи санихцәажәа, иара изкны исгәалашәаз хҭыскгьы сазааҭгылар
сҭахуп:
Нури Ԥашьа англиаа данҭаркы, Мусҭафа Беи иашьа иԥа, ҩыџьа иҩызцәа аашьҭыхны, дцаны
англиаа рыруаа дрықәлеит, Нури Ԥашьа даанкыланы дахьыҟаз дзыхьчоз ауаҩгьы
иааигәыдҵаны дышьны, дрымихит. Амала аиҿахысраҿы иҩызцәа рҩыџьагьы ҭахазаап. Ари
аҷкәын гәымшәа Бақәа саниқәшәа, Нури Ԥашьа духаҵгылама ҳәа сиазҵааит. Аԥсшәагьы
саимҳәац, аха сара исуалыз ҟасҵеит, сашьак аӷа инапаҟынтә дҿысхит» ҳәа аҭак сиҭеит.
Мусҭафа Беи амш ҳақәлаанӡа маӡала абас дсазҵааит: «Аҭырқәцәа Баҭым рнапаҿы аагара
ргәы иҭазаап, хара имгакәа арахь рыруаа аларгалозаап, ииашоума?» ҳәа. Сара ари шиашам,
баша шпропаганда цәажәароу, иаартны иасҳәеит. Уи дақәгәыӷны ихы акы иалаимгаларц
иасҳәеит. Наҟ-наҟ иареи сареи Стамбул ҳанеиқәшәа иасҳәаз ажәақәа сгәаларшәаны,
ашәарҭара дшацәысыхьчаз азы иҭабуп ҳәа сеиҳәеит. Ари ауаҩы замана абольшевикцәа
хәҳаахәҭра уск дахыркьаны ахы дадыргазаап.
Баҭым азааигәара ԥсуа қыҭак ыкоуп. 20-30 ҭзы нхоит. Аԥсшәа макьана ирхамышҭӡац, алаз
диалект ала аҭырқәшәагьы рҳәоит. Аха Мусҭафа Беи арҭ дреиуаӡам, уи милаҭла длазуп Реисоглу Мусҭафа Беи ҳәа иарҳәоит. Иага ус иказаргьы, иара шьҭа даԥсуахеит. Аԥсуаа Аҟәеи уи
акәша-мыкәша аҳра аныруаз аӷбақәа рыла Аԥсны инеины уа анхара иалагаз ауаа аԥсуара
рыдыркылан, иаԥсуаахеит. Мусҭафа Беигьы абарҭ дреуиан. Султан Ҳамид ихаан Стамбули
аҳҭынреи рҿы кырӡа ахьӡ-аԥша змаз (тәыс иҟарҵаз ауаа аахәаны изҭиуаз) Капҭан иԥа Ҳасан
Беигьы Аҟәатәи аԥсуа ҳәа дырдыруан, аха уигьы хылҵшьҭрала длазын. Уи иҷкәынгьы
Џьанбазбашьы Рыза Беи дыспортсмен дун. Аԥсшәа цқьаза изҳәоз ари ауаҩы аԥсуарагьы
ибзиаӡаны идырны иныҟәызго дыруаӡәкын, саԥсуоуп ҳәа ихы иԥхьазон, иангьы д-Маршьанԥҳан.
ҚАРҬҞА ХДӘЫҚӘЛАРА
Иҳауз адокументқәа рыла адәыӷба ҳақәтәеит. Қарҭ ҳаннеи Азиз Меқер уа даҳзыԥшын.
Ҳнеины асасааирҭа «Кавказ» ҳаҩналеит. Мчыбжьык ашьҭахьгьы Бақәаҟа хдәықәлеит.
Ҳсасааирҭа ахарџь 1700 мааҭ «асовет абарон» (атәылахьчара асовет-аред.) ахьзала Ҳаидар
Баммат ишәеит. Араҟа Синқери Жабаӷы ила, иара убас агьырҭ Нхыҵ Кавказтәи
аинтеллигентцәа рыла ҳаибабеит, ҳаицәажәеит. Ҳаидар Баммат Нхыҵ Кавказ аиҳабыра
рхаҭарнакс Қарҭ дыҟан. Аха иабаҟаз Нхыҵ Кавказтәи аиҳабыра?
Стамбул Нхыҵ Кавказ аҟынтә ирацәаны аделегациақәа ҳҭааит. Арҭ, Ҭырқәтәыла аиҳабыра
роума, ҳара ҳаума даараӡа гәыкала ҳарԥыланы иҳадаҳкылеит, иреиӷьзоу асасааирҭақәа рҿы
инҳархеит, аха уажәы дара рхаҭақәа ааԥхьара шҳарҭазгьы, Кавказаа раԥхьагылаҩцәа ҳара
ҳаиԥш гәаартыла иаҳԥымлеит. Сыздырам, ҳара ҳаԥсаԥгьыл ҳацәыхараны ҳахьыказ азы еиҳа
ҳгәы ԥшааны, насгьы урҭ рхаҭақәа анаҳбалак ҳаԥсаԥгьыл ҳбошәа ҳахьыҟалоз азакәу, ҽакала
ҳазнеиуан. Ҳара амҳаџьырра иҳанаҭоз ахьаа иахкьаны ҳагәхьаагара кырза иеиҳан, арҭ ауаа
ракәзар усгьы рыԥсаԥгьыл аҿы иахьынхоз аҟнытә ҳара ҳхьаа рзеилымкаауазар ҟалап ҳәа сгәы
иаанагон. Уи алагьы Қарҭ избаз Кавказтәи аинтеллигенциа ахақәиҭразы ргәы хыҭ-хыҭуа
иҟамызт, аиашазы, абарҭқәа даараӡа сгәы карыжьит.
Мчыбжьык ашьҭахь Бақәаҟа хдәықәлеит. Адәыӷбаҿы анефт афҩы ҭачын, аарлаҳәа ҳаԥсыԥ
еивго, Бақәанӡа ҳнеит. Жәабран мзазы, ԥхынгәымза еиԥш акәын амш шыказ.
БАҚӘА
Нхыҵ Кавказтәи аиҳабыра Бақәатәи рхаҭарнак Али Беи ҳаиԥылеит. Али Беи
динтеллигентуп, даргьинқәа дреиуоуп. Мышқәак раахыс Бақәа ҳанхоит. Уаҳа Нхыҵҟа
ҳазцомызт. Ари зыхҟьаз нас иеилаҳкааит. Даӷьысҭан иказ Нури Ԥашьа иофицерцәа ԥыҭҩык
абольшевикцәа ирҿагыланы аполитика мҩаԥырго иалагазаап. Уажәы ҳаргьы урҭ ҳрыдгылар
ҳәа ишәазаап! Уахык, Али Беи иуадаҿы имҩаԥаҳгаз аизарары арҭқәа анеилаҳкаа, сара ари
шиашам расҳәеит. Избанзар ҳара ҳгәыԥ Азербаиџьанаа, мамзаргьы Қырҭтәылаа русқәа рзы
иааны ишыҟам, абольшевикцәагьы аӷас имԥхьаӡаӡакәа, Кавказ ахақәиҭра иадгыло зегьы
реицш ҳашрыхәаԥшуа аартны ирасҳәеит. Темирхан Шура иҟаз «Асовет оборон» захьӡыз
/ахақәиҭразы иқәԥоз аиҿкаара/ анапаҵаҟа ҳаныҟала, ахарџьқәа рхахьы иганы, Нхыҵка ацара
азин ҳарҭеит. Ҳаицәажәара мҩаԥызгоз Азиз Меқер Беи иакәын. Арра аганахьала хделегат
Исмаил Беркок иакәзар, уи макьана дмаацызт.
ԤАЛАМА

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Кавказ иазку агәалашәарақәа - 2
- Büleklär
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 1Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3470Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 2Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3484Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 3Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 4Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3498Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 5Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3417Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 6Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3434Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 7Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3416Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 8Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3465Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 9Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 839Unikal süzlärneñ gomumi sanı 6680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.