Latin

Кавказ иазку агәалашәарақәа - 7

Süzlärneñ gomumi sanı 3416
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Абольшевикцәа Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Нхыҵ Кавкази ираӷан. Абри иазхәыцны зегьы
еидгылар акәын, аха ирылымшеит. Аҵыхәтәан, рлахьынҵа бааԥс иақәшаҳаҭхар акәхеит.
Қырҭтәыла Аԥсни Трабзони рымпыҵахалара, Азербаиџьангьы Даӷьысҭан анапаҿы аагара
ишеиԥхыӡуаз дара рыдгьылқәа рымпыҵыҵны ицеит. Азербаиџьан жәлар реизара ахада
Ҳасангьы «Азербаиџьан, Нхыҵ Кавказаа ҳбар аасҭа абольшевикцәа рнапаҿы ҳҟалар еиӷьуп»,
иҳәон. Нас абольшевикцәа ибеит! Аха ишԥеибеи?... Абри аилкааразы Енвер Ԥаша иахь ииҩыз
ашәҟәы нбанкгьы мыԥсахкәа абраҟа ианысҵар, ушьҭантәи абиԥарақәа рзы хсаалахап.
ҚАРҬ РАШӘАРА 13,1920 Ш.
«Ҳаҭыр зқәу Ԥашьа!
Акраамҭа Бақәа инхоз аурыс большевикцәа ирызкны азербаиџьантәи агазеҭқәа аус
шәыцызуаз офицерк ихьӡала акәушәа уҳәан-сҳәанқәа акьыԥхьра иаҿын.
Москватәи асовет еиҳабыреи уареи ишәыбжьашәҵаз аиқәшаҳаҭра излаҳәо ала, дара рыри
уара ури Ҭырқәтәыла иеиқәшәаны, «Антанта» иаҿагыланы иеицеибашьны, аԥсылман жәлари
Ҭырқәтәылеи рхы иақәиҭыртәуазаап. Азербаиџьанаа рыҩныҵҟа абри аҩыза ацәажәара цон.
Аурыс ир Азербаиџьан ала Ҭырқәтәылаҟа ицар акәын. Бақәа иавсны, Карабахи Ермантәылеи
ирылсны,Ҭырқәтәыла инеирц иҟазаап. Абри аҩыза ацәажәарақәа рыла, ажәлар аурыс ир
иаҿамгыларц азы иазыҟарҵон. Иазыҟазҵозгьы Халил ԥашьеи, Баҳа Саиди, доктор Фуати,
Баҳаҭҭин Беии ракәын. Иара абасгьы нацырҵон, арҭ аруаа аурысқәа рҿы уаанӡа итҟәаны иҟаз
аҭырқәцәеи, венграаи, анемеццәеи ракәызшәа, ирхагылоугьы уара Енвер Ԥашьа уакәушәа.
Азербаиџьанаа арҭқәа харҵо иалагеит, избанзар иразҳәоз Османаа рофицерцәа ракәын.
Арҭ ауаа рхықәкы нарыгӡеит, аха ажәлар зегь дарароуп абольшевикцәа рыгәра ргомызт.
Избанзар урҭ зышьҭаҵәкьаз рдыруан, иара абольшевикцәа ргазеҭқәагьы «Урыстәыла 1914
шықәсазтәи аҳәаақәа рҿы еиҭа ишьақәҳарыглароуп» ҳәа иаартны изҳәоз астатиақәа рнылон.
Азербаиџьан иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Бақәа аҩныҵка ҳара
ҳцԥарала иҳааӡаз, шәаргьы амаҵурақәа ирхашәыргылаз аофицерцәа рнапаҿы иҟаз арратә
ҭыԥқәа рахь аурыс большеивкцәа рнагара иалагеит. Насгьы дара рхаҭақәагьы абольшевикцәа
иреиԥшхеит. Арахь ҳусқәа ас ишыцәгьазгьы, агьырахь аурысцәеи аерманцәеи ауаа еизганы
ҳаиҳабыра ирҿадыргыларц азы аусура иаҿын.
Азербаиџьан ахьыԥшымра шьҭа европаагьы ақәшаҳаҭхахьан. Мшаԥымза алагамҭазы
атәыла аладатәи аҳәаа аҟны асовет ар рҽеизгара иалагеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла аиҳабыра рахь Асовет ар Азербаиџьан
аҳәааҟны иахьеизо хықәкыс иамоузеи? ҳәа иҵааит, аха Чичерин аҭак ҳәа акгьы ҟаимҵеит.
Иахьа уажәраанӡа ҳҳәынҭҳарра Урыстәылатәи Аҳәынҭқарра иаҿагыланы шьаҿак
ҟанамҵаӡацызт, уимоу аимабзиара ашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҵатәуп ҳәа
ажәалагала ҟарҵон.
Мшаԥымза 24 рзы Асовет ар мзызс иамоу ҳәа акагьы мҳәаӡакәа, Азербаиџьан иажәланы
аҩадатәи аҳәаа иахысит. Азербаиџьанаа рыр уи аамҭазы Карабах аерманцәа ирабашьуан.
Аҩадатәи аҳәааҿы игылаз ЗОО ҩык аруаа, аурыс ир рынкыларазы иҟарҵоз? Аха иахьынӡарылшоз
иеибашьит. Ирацәаны ауаа ҭадырхеит. Ҩымш рышьҭахь абольшевикцәа иҭахаз рыруаа Бақәа
иааганы анышә иарҭеит.
Мшаԥы 27 рзы ахәылбыҽха аурыс ир Бақәа иалалеит. Ари аамҭазы Ҳалил ԥашьеи, доктор
Фуати аурысцәа ирԥыланы, «арҭ ҳара иҳацхырааҩцәоуп» ҳәа ажәлар ираҳәо, аҿагыларак
ҟамларц азы аус руан. Аурыс ируаагьы рмахәарқәа иадыркыз алента каԥшьқәа амзаҿа асахьа
анҵаны ақалақь иналалеит, аха хымш рышьҭахь рыгәҭакы анынарыгӡа, амзаҿақәагьы аамыхны
инкарыжьит. Асовет ар Бақәа ианыҟаз аамҭазы аԥсылман большеивкцәагьы урҭ ирықәгәыӷны,
Азербаиџьан жәлар реизараҿы аультиматум ықәыргыланы аиҳабыра дара ирырҭарц азы
ирықәымчуа иалагеит. Ақалақь аҿы Азербаиџьанаа рыруаа ахьыҟамыз иахҟьаны абольшеивкцәа
жәлар реизара рнапаҿы иааргеит. Арахь Урыстәыла Азербаиџьан ахьыԥшымра азханаҵахьан,
рыруаагьы Бақәа ишаламло ала ажәа ҳарҭахьан.
Мшаԥы 27 азы, асааҭ 2 реицш аиҳабыра зегьы абольшеивкцәа рнапахьы ииасит. Раԥхьаӡа
азербаиџьанаа рмилициа рабџьар аарымхны аурыси, аерман еибашҩыцәеи ирырҭеит.
Аҳәынҭқарратә маҵурауаагьы инаргәыдҵаны рышьра иалагеит. Аиҳабыра иалаз имаҷымкәа
ауаа ашьхақәеи, ақыҭақәеи рахь ибналеит.
Адәқьанқәеи,
аџьармыкьақәеи аркын, аԥсылман жәлар ӷәӷәала идыршәон, иҭаркыз
рыҩныҵка жәлар реизара алахәылацәагьы ыҟоуп: Икнарҳаз, ма ахы иадыргаз рыхьӡқәагьы абас
иҟоуп.
Ажәытә Бақәа ахада Мураҭ Гераи Ԥашьа
Ажәытәтәи Бақәа амилициа ахада Русҭем Мирзаев Беи
Сулеиман Беи
Ебу Џьебраил оглы
Кадир оглы Ҳасан
Еждер Емин оглы
Мир Мухсин оглу Мир Раҳим
Назароглу Ҳабиб
Курбаноглу Абдураҳман
Шахдеп Хәусеин оглы Вели
Шаҳварлы Али Екбер Беи.
Уаанӡа аԥсылманцәа иреиуаны аиҳабыратә маҵаурақәа рҿы иҟаз абольшеивкцәагьы, Мирза
Хасанов, Али Ҳаидар Караиоф, Буниатзаде Мусса Мефов, Џьенгиз Беи, Султанов Танделиемуфи,
аурысқәеи аерманцәеи аусура азин рырҭаӡомызт. Ажәлар реизара, иааз аруаа рхадараҿы Енвер
Ԥашьа ихаҭыԥан аерман Микоиан данырба ргәы ҭҟьеит. Уажәазы аиҳабыра аԥсылманцәа
рнапаҟынтә ҵаҟа зыхьӡқәа анысҵо аурысқәеи ашәамахьцәеи рахь ииасит.
Микоиан, ашәамахь
Ҳаџьыиан, ашәамахь
Каприлиан, ашәамахь
Орџоникидзе, ақырҭуа
Ливандокски, аурыс

Шевелиов, аурыс
Либерман, ауриа
Ари аҩыза аҭагылазаашьа збаз аԥсылманцәа 1918 шықәса хәажәкыра мзазы ирыхҭыргаз
арыцҳара ааргәалашәеит, иааз аруаа дара рзыҳәан акәымкәа рхақәиҭра аԥыхразы ишааз
еилыркаауа иалагахьан, иара ари аурысқәагьы шьҭа ирӡаӡомызт.
Имҩаԥысуаз ахҭысқәа ажәлар рыблақәа хнатит, аҵыхәтәан, дара абольшевикцәа
ирдгылоз османтәи аофицерцәагьы инаганы ианҭарк, хьаҳәа-ԥаҳәада иҟаз ааилыркааит. Ҳалил
ԥашьеи, Баҳа Саиди, Баҳаҭҭини, доктор Фуаҭи иаанкыланы Урыстәылаҟа идәықәырҵеит. Нури
Ԥашьа дыбналахьеит. Иҟоу аҭагылазаашьа зхы иазырхәаз ашәамахьцәа, аусқәа рхы иархәаны,
Карабахҟа ажәылара иалагеит. Ермантәылагьы иаартны Карабахтәи ашәамахьцәа рахь абџьар
дәықәырҵон.
Ашәамахьцәа есааира ԥхьаҟа ацара иаҿуп. Ари аамҭазы Азербаиџьан аполитикатәи
аекономикатәи ҭагылазаашьа даараӡа ицәгьан. Аурыс ир ҳақалақьқәеи, ҳқыҭақәеи реимҵәара
иаҿын -ачарыц, анефт, ахьы, араӡны, ауарҳал инаркны, ҳкәадырқәа рҟынӡа зегьы еимҵәаны,
Урыстәылаҟа ашьҭра иаруп. Ганкахьалагьы ажәлар дырблаҟьарц азы Азербаиџьан аҳәынҭқарра
ахьӡала Қырҭтәылазы аибашьра рылаҳәан. Аха Қырҭтәыла аруаа рышьҭоушәа ааҟаҵаны
ҳажәлар ирықәыӷәӷәо, ҳацәкәынцәеи ҳаӡӷабцәеи амш рыларго иалагеит. Ҳқыҭақәа адгьыл
иаҟарартәит, ҳақалақьқәа аурыс ируаа рыла иҭәит. Генџье, Карабах, Аадаш, Шеқи, Казак,
Гагатлы ақалақьқәа рҿы имҩаԥысуаз азалымдарақәа ззымычҳаз ауаа аҵыхәтәан, рхы
шьҭырхит.
Лаҵара 23- Џьиваншир ақалақь аҿы ҳаруаа асовет ар рабџьарқәа рымхны, реиҳарак ршьит.
Лаҵара 30- Генџьетәи аԥсылманцәа, 350-ҩык рыруаа рымчқәа рхы иархәаны ақалақь
рнапаҿы иааргеит. Аурыс ируаагьы рабџьарқәа рымырхит. Амчра знапахьы иаазгаз ажәлар,
мчыбжьык ала ақалақь зегьы аурысқәа рҟынтә идрыцқьар рҭахын.
Аҵыхәтәантәи амшқәа аерманцәеи аурысқәеи еидыланы ақалақь бзарбзанла иалахысуа
иалагеит, уи ашьҭахьгьы ақалақь иалалны 5000-ҩык иреиҳаны аҭынч уааԥсыра ндырҵәеит.
Арҭ реиҳараҩык, ахәыҷқәеи, аҳәсеи, аҭаҳмадцәеи ракәын. Аҩнқәа рызегьы рыблит. 4000-ҩык
инареиҳангьы аруаа ндырҵәеит. Ишәҭы-какаҷуа иҟаз Генџье ақалақь нышәынҭрак иаҩызахеит.
Абольшевизм рхашҭны, аурысқәа аерманцәа рнапала аԥсылманцәа рнырҵәара иаҿын, ажәак ала
ршьа руан... 1918 март мзазы Бақәа иаамҩаԥысыз зегьы уажәы Генџье имшԥысуан.
Макьаназы Генџьетәи ажәлар аибашьра иаҿуп. Ҩымыш-хымыш рылагьы Гагатлы инхоз
ауаа абольшевикцәа рыԥхаҵара рылдыршеит. Амапа Азербаиџьан ахақәиҭра ҳәа акагьы
азнымхаӡеит. Ажәлар рхы ашьҭыхра иахырҟьаны Бақәа иҟаз аԥсылман ԥашьақәеи,
аполковникцәеи, агьырҭ аофицерцәеи иаанкыланы Нагрен адгьылбжьаха ахь идәықәырҵон.
Адгьылбжьаха Нагрен Хазартәи амшын (Каспиа) аҟныиҟан, аҭагылазаашьагьы даараӡа ицәгьан.
Араҟа реиҳараҩык иреихсны иршьит, ԥыҭҩыкгьы Сибраҟа идәықәырҵеит, егьырҭ абналара
рылшеит.
Аерманцәа Азербаиџьанаа рхадацәа ықәыргеит, агитациа рымам, ар рымам... Атәымуаа
рнапаҿы иҟоуп. Урыстәыла Асовет ҳәынҭқарра Қырҭтәылеи дареи иҟарҵаз аиқәшаҳаҭра
инақәыршәаны Азербаиџьан адгьылқәа Рагатли, Зекри Талеи, инаганы ақырҭқәа инарырҭеит.
Рагатлы Алезгинцәа ахьынхоз ҭыԥын. Алезгинцәа Нхыҵ Кавказтәқәоуп ҳәа рхы рыԥхьаӡон.
Усоуп ишыҟоугьы, рлеишәеи рқьабзи рҭоурыхи рыла Нхыҵ Кавказтәқәоуп. Абри аамҭазы
Азербаиџьанаа реиҳабыра Алезгинцәеи дареи рыжәҩахырқәа еибыҭаны аус рыцура аҭыԥан, арҭ
ажәлар ирцәыхьшәашәахеит, ирыгәҭасит. Ҳнапхгара хара ишзымхәыцуаз абри алагьы
иубарҭан.

Аурысқәа анефт рнапаҿы иааргарц азы, иаанхаз адгьылқәа шаны Ермантәылааи,
Қырҭтәылааи рыҭарагьы иақәшаҳаҭуп. Абольшеивкцәа амилаҭқәа рхақәиҭра иадгылошәа
рҳәон, аха аус аԥсылман жәлар рҿы ианааилак, зынӡа даеакала рхы мсҩаԥыргон. Аурысқәа
ажәытәгьы абас ихәыцуан, Азербаиџьани, Туркисҭани иахьатәи рҭагылазаашьа абарҭқәа
арҵабыргуеит. Азербаиџьан аладатәи аган- аерманцәа, мраҭашәарахьтәи адгьылқәаақырҭқәа ирыҭоуп. Анефт ахьыҟоу, Бақәа азааигәара дара аурысқәа рнапаҿы иҟалон.
Азербаиџьан иахьатәи аҭагылазаашьа шәара шәаҳаракыра, шәофицерцәа ирхароуп.
Азербаиџьан ақәӡаара иаҿуп. Абри аҟны зегьы шәара ахара шәыдырҵоит. Дара аурысқәа ракәзар,
шәыхьыӡ иахьабалак рхы иадырхәоит. Шәареи аурысқәеи еиқәшаҳаҭрак шәымазар, аурыс ир
Азербаиџьан алцаразы иахәҭоу ҟашәҵап ҳәа сгәыӷуеит. Мамзар, хара имгакәа Азербаиџьан
Урыстәыла иаҵанакуа ҭыԥкны иҟалоит.
Ашәҟәы алкаа:
Азербаиџьан иажәлахьаз аурысқәеи иахьатәи аурысқәеи злеиԥшым ҳәа акгьы ыкаӡам.
Абольшевикцәеи, Деникини, Барони, Врангели рхықәкы акоуп. Аурысқәа рҭаххарақәа ирықәӡыз
Азербаиџьанаа ракәзар рыԥсадгьыли руаҩреи рыхьчар акәын.
Уаанӡа аполитикатә мцқәа рыла ҳажәлар зырблаҟьоз ауаа ракәзар, аурысқәа ҳаԥсадгьыл
ианалала рыгхақәа еилыркааит, аха шьҭа уи акгьы аанагаӡомызт. Азербаиџьан абеиара зегьы
Москваҟа ишырышьҭуаз збаз ажәлар, «абольшеивкцәа мрагылараа рхақәиҭра иадгылоит» ҳәа
ираҳауаз ажәақәагьы агәра рымго иалагеит. Избанзар аурысқәа Мрагыларатәи ажәларқәа
рытҟәарц шырҭахыз шьҭа имаӡаӡамызт.
«Ҳаҭыр зқәу, уаҳаракыра Аԥашьа!
Сышәҟәы, хымԥада, иагу рацәоуп. Аха иахьынӡасылшоз ала иҩуп. Сзербаиџьантәуп аҟнытә
сгәы былуеит. Гхак сыхьзар, саҭашәымҵарц сшәыҳәоит.
Шәара шәаҳаракыра, шәыцхрааралагьы, аҭырқә-азербаиџьан хақәиҭра ахьчара ҳалшоит.
Азербаиџьантәыла иахнагази, изықәшәази рганахьала, ҳара ҳхаҭақәа Европатәи
аҳәынҭқаррақәа апротестқәа рзаҳҩит.
Аурыс ир Азербаиџьан алцаразы шәыцхыраара саҳәоит!
Азербаиџьантәи амҳаџьырқәа рыцхырааратә Комитет ахада, уаанӡатәи
Жәлар Реизара аиҳабы доқтор (аҳақьым) Ҳасан.
Ԥхынгәы, 1920 ш. Қарҭ.»
Ҳасан Беи ииҩыз ашәҟәы хыхь ишәзанысҵеит. Ажәлар раԥхьа игылаз ауаҩы, аполитикатә
ҭагылазаашьа уаҩҵас иахьизымдыруа иагьрыцҳаран, иагьџьашьахәын. Ҭырқәтәыла усҟантәи
аҭагылазаашьа иазымхәыцкәа, итәаны рыцхыраара иазыԥшыр аасҭа, Бақәа ахьчаразы
хаҵаҵас иеибашьызҭгьы, рҭоурых аҟны хьӡи-ԥшеи рыманы иаанымхоз.
Кавказаа ринтеллигентцәа рыгәнаҳа даараӡа идууп. Аҭоурых ирнаҭаз аҭагылазаашьа рхы
ирзамырхәаӡакәа рыжәларқәа даҽа жәларык рхәура иахьҭадыргылаз азы ушьҭантәи
абиԥарақәа иранарыжьраны иҟаӡам. Дара Нхыҵ Кавказаа ринтеллигентцәа ртәы акәзар,
мызла Даӷьысҭани Чечентәылеи рқыҭақәа ҳахьрылаз ибзиаӡаны иаҳбарҭахеит. Асовет абарон
/оборона-ахыхьчара/ ахьӡала иҟаз аӡәы-ҩыџьа рыда, ажәлар ирылагылаз интеллигентк ҳара
дҳамбеит, апропаганда ҟазҵоз еиҿкааракгьы ҳақәымшәеит. Аиашазы, сара абра ианысҵаз
зегьы избаз исаҳаз, иҟаҵәкьаз ауп. Ирмыцхәны ажәакгьы шәыдзымгалеит. Ааи, Нхыҵ Кавказаа
рделегатцәа, рыцыԥхьаӡа сааҭк ала зқьы лир ныхуа асасаатрҭа Пераԥалас азалқәеи, Парижтәи

амҩадуқәеи иахьырныз аполитика каҵаха аамҭа рымамызт, уалла иргаз 40 миллион мааҭгьы
ақьафурҭақәа рҿы инырымхкәа иҟандаз, аусураҿы иагьа рылдыршарын.
Атәылахьчара аминистр Енвер Ԥашьа, 10 нызқь лир имхны Швециа ицаз Азиз Меқьери,
Ҳаидар Баммаҭи, Агаиеви абри адарала убра 6-мыз инханы, ахсаалақәеи, ашәҟәқәеи,
агазеҭқәеи ҭыжьуа, Нхыҵ Кавказаа Европаа дырдырразы имҩаԥыргаз аусқәа уанрызхәыцлаак,
зыӡбахә сымоу арҭ аԥарақәа аҭыԥаҟны иныхындаз, иҟаларыз ҳбарын.
32.000 франк ала Париж инеиз аделегатцәа рԥара аҟынтә 20.000 франк мацара,
Ареспублика ахада Чермошеф баша инихзар, уаҳа иахуҳәаараны иҟоузеи?
Ажәакала, сара ҳаинтеллегентцәа, рхы ирзамырхәкәа ирыцәцаз хәызмам
аҭагылазаашьақәа, баша ақьафура иахьақәдырӡыз азы иахьагьы лахь рысҭоит.
Аурыс культура, Кавказаа раамысҭацәеи ринтеллигентцәеи ӷәӷәала иархәаԥсеит! Абарҭ
рыхшыҩдара иахылҵыз арыцҳароуп иахьагьы ҳажәлар зҭагылоу.
Ҳаидар Баммаҭ ҳазегьы апаспортқәа ҳзыҟаиҵеит. Кавказҟа Баҭым иҳауз апаспортқәа
рыла ҳаахьан, аха урҭ апаспортқәа Нхыҵ ҳахьнеиуаз ишаҳмыхәоз анеилаҳкаа, иқәаҳгахьан,
уажәы аҭагылазаашьа аеахьаԥсахыз иахҟьаны Азербаиџьангьы, Қырҭтәылагьы апаспорт аиура
алшомызт. Ас ианыҟала, Нхыҵ Кавказтәи Аҳәынҭқарра апаспортқәа рыла шьҭахьҟа ҳхынҳәыр
акәын. Ҳара усгьы араҟа Нхыҵ Кавказаа рхаҭарнакс ҳаҟан, асасааирҭа аҟны Нхыҵ Кавказатәи
аделегатцәа ҳәа ҳҭаҩын. Ус анакәха, Баҭым иҟаз англиаагьы ус ҳардырракәын. Избанзар,
ҳанаауаз аламҭалазы еиԥш, абыржәгьы Баҭым знапаҿы иҟаз Англиаа ргәаҭаратә ҭыԥқәа
ҳархысыр акәын.
ҲДӘЫҚӘЛАРЕИ ҲҬАКРЕИ
Ашьыжь ҳеырхианы Баҭымҟа ицоз адәыӷбахь ҳнеит. Акасса ҳадгыланы абилеҭ анааҳхәаша
аамҭазы ақырҭуа милициацәа ҳаԥхьа ииасны акасса ааигәара иҟаз уадак ахь ааԥхьара ҳарҭеит.
Аха ауада ҳшыҩналаз еицш ашә ҩыџьа аруаа анылагыла ҳшаанкылахаз еилкаахеит. Иаразнак
ҳхы инаркны ҳшьапаҟынӡа ҳаимырдеит. Иҳамаз аҩырақәеи адокументқәеи зегьы ҳамырхит.
Уи аамҭазы ашә аҟынтә Арслан Ԥашьа ихы ҳнықәыԥшзаргьы, ҳара ҳаниба иаразнак шьҭахьҟа
дгьежьны иҽиҵәахит. Беркок Беи «Ԥашьа, иубома ҳҭаркит» ҳәа ибжьы иқәиргеит, аха уаҳа аҭак
ҳәа акгьы ҳмоуит. Амилициа рус ианалга, ҩ-машьынак ҳнарықәыртәаны аруаа шҳацыз ақалақь
абахҭа ахь ҳнаганы уадак ҳныҩнаркит.
Абахҭа иҭацәны иҟаз уадак иаҩызан, амаҭәахә ҳәа акы ҩнагыламызт. Амала сара акәакь
аҟны столк сылаԥш анақәшәа иаразнак снеины снықәтәеит. Сҩызцәагьы рымаҭәақәа ана-ара
инышьҭарҵеит. Уажәы ҳара-ҳара ҳазҭаркыз ҳазҵаауан, аха ҳзыхдыркьаз ҳәа акгьы
ҳзыԥшаауамызт. Избанзар ақырҭқәеи ҳареи акгьы ҳабжьаӡамызт. Дареи ҳареи
аимадараҵәкьагьы ҳамаӡамызт. Ҳара дара рыҟны баша ҳсасын. Насгьы Қырҭтәыла макьана
ҳара апатриотизм ҳахырҟьаны ҳҭаркратәы ибольшевикцәамызт. Иара Қырҭтәыла ааныжьны
ҳанцаша аамҭазы ҳҭакрагьы иаанагоз?
Уажәы аамҭа иаҳзаанагараны иҟоу ҳазыԥшуп.
Мышҳәак рышьҭахь абахҭа иҳацҭакыз ауааи ҳареи ҳаибадыруа ҳалагеит. Арҭ руаӡәк
Азербаиџьантәи аинрал Шиҳлински, ашьшьыҳәа иҟаз уаҩ ҭынчк иакәын, уигьы дзыхаҭаркыз
ҳәа акгьы издыруамызт. Иҭакыз еиҳараҩык изхаҭакыз, иахьбольшевиқьцәаз азакәын. Ԥыҭҩык
ауаагьы реиӷарақәа, реимакрақәа ирыхкьаны иҭакын. Ҳаинралгьы, абас рыцҳарак дақәшәазар
акәхарын. Аурысқәа Бақәа ианалала арахь дыбналаны дызлааз ала, дбольшевикӡамызт,
дызхаҭаркуаз? Ҳара ҳҭагылазаашьагьы ус акәымзи? Иаҳҳәап, ҳбольшевикзаргьы рыԥсадгьыл
ҳалҵны ҳцон, нас ҳзааныркылоз? Иара ҳаанызкылаз амилициа рхы убас иакәымны
имҩаԥыргеит, араҟа аиҭаҳәара иаԥсам.

Ҳҭакра аганахь ала Нхыҵ Кавказ ахаҭарнак адырра иаҳҭеит. Урҭгьы иҟоу еилкааны,
ҳаушьҭра алыршаразы аусқәа ишырҿу, ҳаргьы маҷк ишыҳачҳаша ҳзаарыцҳауан. Ҳашҭаркыз
еиԥш, сара раԥхьаӡа сзызхәыцыз абналара акәын. Абахҭаҿы ишаҳҭаху ҳныҟәон азы, аҳәса
ахьҭакыз инаркны иахьабалак ҳнеиуан, насгьы ашьышьмаҭра кырӡа ихараны игылан. Мышкала
ҩынтә раҟарагьы уахь ҳцон. Абахҭа агәашә ҳҭыҵны даҽа гәарԥк ҳҭаланы аҵыхәанӡа ҳныҟәар
акәын. Иҳацныҟәоз ауаҩы агәашә аҟынӡа дҳацны данааилак нахыс ҳхала ҳауижьуан. Избанзар
иара уаҟа игылаз аҭыԥаҟны аҩы ажәразы даанҿасыр иҭахын.
Адәахьы сцацыԥхьаӡа иҟоу-иану ибзианы иҭысҵаауан, мышқәак рыла, иҭакыз ауаа
ирыцныҟәоз ауаҩы аҩы иржәны раамҭа иҵегьы ишацырҵоз, иара аҩы ахьыржәуаз аҭыԥ аҟны
ишеидтәалалозгьы гәасҭеит. Ақырҭқәа аҩы рҽадцалара аурысцәа ауатка рҽадцалара аасҭагьы
иеицәан азы, ари абналаразы ҳхы иаҳархәар алшон. Адәахьы сцацыԥхьаӡа сгәырӷьаҵәа
схынҳәуан, избанзар ҳабналар алшон. Акы заҵәык, ҳабацоз, ҳҽабахҵәахуаз? Уигьы ӡбатәын,
уажәазы баша аамҭа агара ҳаҿуп.
Абри аамҭа иалагӡаны иҭакыз рыҩныҵка аԥснытәи ҷкәынаки сареи ҳаибадырит.
Абольшевизм дахырҟьаны дҭакын. Иалшозар сыгәҭакы иаҳәаны, ицхыраара саҳәап ҳәа
схәыцуан, аха шықәсыла кыр ҳабжьан, дсеиҵбӡан азы уи аҟара сзимацәажәеит. Иара
иагьаҭахымхаӡеит. Избанзар ҳҩызцәа ҳаурыжьырц азы ирылшоз зегьы ҟарҵон.
ААԤХЬАРА ЗМАМЫЗ АСАС
Ҳҭакнаҵы ҳакрыфара абас иҟан: мышкы ҩынтә, ачаи ача адкыланы, зны-зынлагьы ашә
нацҵаны, иҳазҳархар акәын. Избанзар уаҳа ҳалшаӡомызт, уи аамҭазы ҳаишәа большевик
ԥҳәыск даднагалеит. Мышкы-ҩымш акгьы ҳамҳәеит, аха ацара лгәы иҭазам, арахь ҳара иҳамоу
ҳара иҳазхом. Иҟоу анеилылкаа, дҳазгәамҵит аегоистцәа ҳәа наҳаҳәаны даҳԥырҵит.
Ҳаидар Баммаҭ ҳаурышьҭырц азы иҟаиҵаоз аҳәарақәа иахьа алҵшәа роуит. Ҳазегьы
амилициа ахада иҭыԥаҟны ҳнаганы, маҷк иааҳацәажәаны, ак шаҳхарам еилкааны ҳаурыжьырц
рыӡбазаап. Араҟа раԥхьаӡа акәны ақырҭуа милициа уаҩҵас рхы мҩаԥыргеит, Уаанӡа
иҳамырхыз ҳқьаадқәеи хдокументқәеи зегьы шьҭахьҟа иҳарҭеит. Иԥжәаны иахькармыжьыз
азы иҭабуп ҳәа раҳәатәуп.
Абахҭа ҳанҭыҵ ҳнеины зыхә мариаӡаз сасааирҭак аҟны ҳаҽкаҳаршәит. Избанзар
ҳазлацашаз аԥарақәагьы абахҭаҿы ҳрылгахьан. Х-иарҭак ахьыҟаз уадак ҳаҩнан. Уаанӡеиԥш
ачаижәра ҳаҿын. Ҳазлацаша шҳауз еиԥш Баҭымҟа амҩа ҳақәлон. Аха ари даара иуадаҩын.
Азиз Беи ана-ара аԥара аԥшаара даҿын, зны-зынла кавказаа ирымихыз 5-10 мааҭ далаҽхәаны
алаф ахҳәауа даҳзаауан.
ҲҬАКРА ЗЫХҞЬАЗ
Ҳҭакра зыхкьаз ҳәа гәыбӷан заҳҭоз ажәытәтәи асадразам (аԥыза аминистр-аред.) Камил
Ԥашьа (Кыбрыслы) имоҭа Фуат Беи иакәын. Иара Стамбулгьы ачерқесцәа рыцхыраартә
хеидкыла англиаа ақәланы ашә ахьадыркыз азыҳәангьы иара ахара идырҵон. Уи азы Фуат Беи
аӡәгьы бзиа дибаӡомызт. Насгьы усда-ҳәысда дшыҟоугьы аԥара дахьалажьыз азы игәра
ргаӡомызт. Камил Ԥашьа иакәзар, иламыс ала иецырдыруаз, ахаан аҵарҭыша зымгоз аӡәы
ахьиакәыз азы дбеианы дыҟамызт. Изхысҳәаауа, Фуат Беи имазара иҭаацәара рҟнытә
акәӡамызт иахьаауаз аҟнытә шьҭа иааҟалоз ацәгьарақәа зегьы иара иҟәаҟәа иқәлон. Абарҭқәа
рзы ҳара ҳҭакрагьы Фуатбеи ицәгьаҳәара иахҟьеит ҳәа ҳаӡбеит, ушьҭа ииашоу, ииашаму
сыздыруам!
Сара знык-ҩынтә Қарҭ сиқәшәеит. Иара изкны ҳгәаанагара ахьиаҳаз азы, акгьы шихарам
саиҳәеит.

Аха сҩызцәа ргәаанагара рыԥсуахуамызт. Фуат Беи иакәзар, ихы ириашарц азы
даҳзааигәахар иҭахын. Аха аҩызцәа дырбаргьы рҭахзамызт. Ҳԥаратә ҭагылазаашьа зынӡа
ицәгьахеит, чаик ҳзымжәуа аҟынӡа ҳнеины ҳшыҟаз аӷас иаҳаԥхьазоз Фуат Беи дааҳахьӡеит.

ЗҚЬЫ МАРКЕИ, АНГЛИАА РЛИР АБЖЕИ
Мышкы, аурыс аамысҭа ҳәсақәа иртәыз каҳуажәырҭак аҟны Азизи Беркоки сареи ҳаштәаз,
Фуат Беи дааҩнашылан, аицәажәаразы дсыԥхьеит. Ҳнеины кәақьк ҳныкҿатәеит. Сара,
исеиҳәаришь ҳәа сизыԥшын, сҩызцәа ракәзар, ҳшеизааигәам ахьырдыруаз азы иџьашьаны
иҳахәаԥшуан. Саргьы гәыҩбарак рызцәырҵыр ҳәагьы сшәон, аиашазы. Фуат Беи сҩызцәа
срыцрыхны ачаи, асигарет уҳәа сыдгало дахьсацәажәоз иаанагогьы сзеилкаауамызт.
Аҵыхәтәан, амҩа шәанбақәло, ҳәа дсазҵааит, саргьы ҳҭагылазаашьа мӡаӡакәа ҳамҩақьыра
шаҳаԥшааз еиԥш, ҳашдәықәлаша изеиҭасҳәеит. Сышиашоу Стамбулҟа сызцо-сзымцо
даназҵаагьы, уаҳа ԥсыхәа шсымам, сышиашоу Стамбулҟа сышцоз иасҳәеит. Ари аниасҳәа
сыззыԥшымыз ак сыдигалеит. Стамбул иаҳәшьа дшынхо, лара лахь аԥара ишьҭырц шиҭаху, аха
макьана излаишьҭыша мҩак ахьимам азы сара иганы исызлыҭозма ҳәа дҵааит, ари бзиара
дуӡӡангьы ишиԥхьаӡозгьы ациҵеит.
Уажәы, аԥара шаҟа сиҭоз, насгьы, ианбасиҭари ҳәа ахәыцра саҿын? Сара ари сшазхәыцуаз
иаргьы иеиликаазшәа иԥараҭра дыҩҭалан, иааҭигаз зқьы маркеи, англиаа рхьыбжаки
аасиркит. Алотореиа сықәшәазшәа сеигәырӷьеит. Харантә маӡала исыхәаԥшуаз сҩызцәа
уажәазы ирхәыцуаз сыздыруамызт, аха, ихадараз, шьҭа аԥара ҳкын. Амлагьы ҳакӡомызт,
ахьҭагьы, ҳамҩа ԥарагьы ҳаман. Ажәак ала, аҭагылазаашьа бааԥс ҳалҵит.
Фуат Беи адарақәа шысиркыз еиԥш иаразнак дҩагылан дцеит, қьаадкҵәҟьа сымимхит.
Сҩызцәа сзыԥшын азы лассы дгыландаз ҳәа сыԥшын. Саргьы сгәырӷьо, сҩызцәа иҟаз-ианыз
рзеиҭасҳәеит. Урҭгьы мгәырӷьеит сҳәар сиашам.
Зқьы марка иццакны акаҳара иаҿыз ақырҭуа ԥарала уажәазы 50.00 мааҭ ҟанаҵон.
Ҳсасааирҭаҿы иҳамаз ауалқәа нашәаны иаразнак Баҭымҟа хдәықәларц ҳаӡбеит. Сҩызцәа
Баҭым аамышьҭахь Трабзон, уаантәигьы Анкара инеины Куваи-Миллие алалара ргәы иҭан.
Сара сакәзар, счара анызу мчыбжьык ашьҭахь иаансыжьыз сҭаацәа рахь, сышиашоу Стамбулҟа
сцар акәын.
Қарҭ ҳахьыҟаз Стамбул акәымкәа Анатолиаҟа ацара еиҳа ишәарҭазшәа ҳаҳауан. Стамбул
иҟаз-иныз иазкны ааигәа уантәи ибналаны Қарҭҟа иааз алеитенант Митҳаҭ Беи
иаҳзеиҭеиҳәахьан. Митҳаҭ Беи аиаша зҳәоз, аламыс змаз, амца иақәуҵаргьы имбылуаз
рԥысын. Уи излеиҳәаз ала Анкаратәи аиҳабыра иахьазы ачерқьесцәа ирызгәааны иахьыҟаз
аҟнытә уахь ҳцара иаԥсамызт. Ҳара Анкаратәи аиҳабыра ҳарыӷрамгылакәа иахьабалак урҭ
ҳрыдгыланы ацәажәара ҟаҳҵон, амала иага ус иҟазаргьы, ас еиԥш аамҭақәа раан уаҩы ихы
еиҭеиҳәаанзӡа иҟалаша анцәа идыррын. Насгьы ҳара Нхыҵ Кавказ ҳәынҭқаррак аԥҵара
иашьҭаз ауаа раҳасабала ишҳахәаԥшуазгьы абаҳдыруаз. Сара Стамбул ацара сҭахын, аха
санхәыҷыз аахыс зыӡбахә саҳауаз сабдуцәа рыдгьыл Аԥсны убри аҟара сгәы иҭан, имбаӡакәа
сахьыхынҳәуаз ӷәӷәала сгәы хьаауан. Аԥара мыжда ахьҳамамыз иахҟьаны иахьанӡа иауамызт.
Аха сразҟы иакын, аҵыхәтәан Фуат Беи исиҭаз аԥара Аԥсныҟа ацаразы сымҩа аанартит. Уажәы
сзымцар уаҳа санбацоз, сгәаанагара сҩызцәа ианрасҳәа урҭгьы сықәшаҳаҭхеит. Иҳамаз
50.ООО мааҭ урҭ Трабзонынӡа ишаго аиԥш, саргьы Аԥсныҟа сцаны уаантәи Стамбулҟа
схынҳәразы иазхон, аха ари аԥара сҩызцәа ирызхазаргьы, сара мҩабжара сшыннажьыз атәы
алада ишәасҳәараны сыҟоуп.
Сҩызцәа Ҭырқәтәылаҟа иандәықәсҵа, асасааирҭаҿы схала сынхеит. Уажәы Аԥсныҟа
сызлацаша амҩақәа рыԥшаара салагеит.

Ари аамҭазы кавказаа рфырхаҵа Шеих Шамил имоҭа Саид Беи, Сириантәи ҩыџьа
ачеченцәа ицны Қарҭҟа дааит. Саниацәажәа, Даӷьысҭан ацара игәы ишҭаз еилыскааит.
Даӷьысҭангьы Чечентәылагьы абольшевикцәа ирымпыҵахаланы иҟан азы уажәазы акы
аҟаҵара шуадаҩыз здыруан. Аха Саид Беи иага иасҳәазаргьы, дахьымхәӡеит. Ҳара Чечентәыла
ҳаныҟаз, Саид Беии Қьаазым Беии ҳацындаз, Каиыш Курт иҟахҵаз аизара жәлар рҵысра
дуӡӡаны адунеи зегьы ирбо, ираҳауа иҟалон. Аха рыцҳарас иҟалаз, усҟан арҭ ауаа ҳацӡамызт.
Шеих Шамил ифырхаҵара иахьагьы иахьыргәалашәоз азы, кавказаа уи иҷкәныцәеи
имоҭацәеи ҳаҭыр дуӡӡа рықәырҵон. Саид Беи ихаҭа хаз-хазы иҟаз ажәлақәеи ашеихцәеи
реидкыларазы илшоз рацәан. Қьаазым Беигьы уи даницлалак хымԥада амч ду рнаҭон.
Иара Саид Беи Ведино Узун Ҳаџьы иаԥиҵаз аиҳабырагьы дахагылазҭгьы, уи амчра
еиԥхьыттаӡомызт. Абольшевикцәагьы уи аамҭаз Польша иеилаханы иахьыҟаз азы аҭоурых
зынӡа даеакала ицар ҟалон
Аха уажәы Қьаазым Беи дыбналаны аарлаҳәа Ҭырқәтәыла иԥсы игахьан, амҩақәеи
аҩхаақәеи зегьи абольшевикцәа рнапаҿы иҟан. Ҩ-мшынк рыбжьаратәи Кавказ зегьы
аурысқәа ирымпыҵархалахьан.
Уажәы еиҭа ажәлар ршьапы рықәыргылара ԥыҭҩык ашьхаруаа ршьакаҭәареи ақыҭақәеи
ақалақьқәеи иԥыххааса рықәцареи рыда акыр иахәозма? Аха иага ус иҟазаргьы, кыраамҭа
аахыс аибашьра зхашҭыз, ашеихцәа рнапаҟны идысызшәа иҟаз ҳажәлар, ацәеи атәреи
ралхразы еибашьрак аҭахызаргьы ҟаларын. Уи ахьӡала инапы злаикыз аус иага
иаамҭамзаргьы, Саид Беи ақәҿиарақәа изеиӷьасшьеит.
Абри аамҭазы Аԥснынтә делегациак, Қырҭтәыла аиҳабыра ирԥыларц азы Карҭ иааны
ишыҟаз Ҳаидар Баммат исеиҳәеит. Ҳаидар исиҭаз адрес ала иахьынхоз асасааирҭаҿы снеит.
Даараӡа исеигәырӷьеит. Русқәа ианрылгалаак Аԥсныҟа сшыргашагьы сарҳәеит. Аԥсны ахы
инаркны аҵыхәанӡа сырбара дара ируалны ирыԥхьаӡон. Аделегациа иалаз рҟынтә зыхьӡқәа
сгәалашәо абарҭ роуп. Миша Маан, Қапба Лева, Мехди Челиқоглу. Ргәыԥ иалаз, аха зыжәлақәа
иахьазы исгәаламшәо даҽа ҩыџьа арԥарцәа сгәаласыршәарц иахьагьы саҿуп.
Аӡәы Михаил егьи Рафаел захьӡыз арԥарцәа, ажәак аԥсшәа рыздыруамызт, аха зыжәлар
рзы зхы иамеигӡоз арҭ рҩызцәа аинтеллигентцәа, аԥсуа жәлар рԥеиԥш азы агәыӷра дуӡӡа
снаҭон.
Арҭ ауаа, уахык Қарҭ иҟаз, аамысҭцәеи аофицерцәеи ирызкыз клубк ахь ааԥхьара сырҭеит.
Аклуб абаҳчаҿы итәаз, аҭыԥ ҳаракқәа змаз ауаа рыҳәсақәа рыччабжьқәа музыкак еиԥш
слымҳа иҭаҩуан.
Абаҳча убысҟаҟ иԥшӡан, алашарақәа каххаа, аишәақәа беиаӡах, аҳәсақәа рымаҭәақәа
цыр-цыруа, аӡыркәиқәа угәаладыршәон. Арҭ избақәоз имжәӡакәа сшыҟазгьы аҩы зылсыз
сиҩызан. Аиашазы, уаха шаанӡа изжәыр цәгьамызт, арҭ ауаа рыҩныҵҟа схьаақәа схашҭыр
сҭахын.
Ҵәыцак ауаткеи, акәтыжьи, абысҭеи рыла крыфаны ҳаилгеит. Ҳцәажәарақәа зегьы
Ҭырқәтәыла иҟаз аԥсуаа рыԥсадгьыл ахь рыргьежьра иазкын. Аԥсны еиқәхарц, ақырҭуа
импҵыхаларагьы иақәымшәарц азы уаҳа ԥсыхәа ыҟам рҳәон!..
Зыхьыӡ иахьагьы исгәаламшәо аԥсуа сахьаҭыхҩык избахә сарҳәеит. Абыржәыҵәкьа
ҳабжьара дахьыҟам иазхьааит, мышқәак раԥхьа Қарҭынтә Лондонҟа дцазаап. Ари арԥыс,
асахьҭыхҩы, Лондон иҟаз атеатр дуқәа рдекорациақәа ҭызхуаз аӡә иакәзаарын. Ҩныҵкала
атәымуаа ртеатрқәа рзы ухы иаурхәоз уҟазара ду ужәлар ирхыргаз атрагедиақәа асахьахь
риагаразы ухы иаурхәандаз ҳәа саазхәыцит. Ианаму, ҳажәлар зықәшәаз арыцҳара асахьа
ҭыхны ушьҭантәи абиԥарақәа рзы ибаҟаны иаанимыжьуази...

Ушьҭа Қарҭтәи аӡиас хәашьы ахәаԥшра сгәы кыднаххьан, аашьара сылалазу сыздыруам,
хара иҟаз аҭыԥқәа рбарагьы сҭахымызт.
Қарт алада, шьха ҳаракык ыҟоуп. Мышкы, сыгәҿыӷь схызгарц азы уахь схалеит. Аиашазы
ҭыԥ ԥшӡак акәзаарын. Ақалақь зегьы хыхьынтә иубарҭан, ахәы ашьҭахь бнара бзиак ыҟан. Қарҭ
ашоура ҳахәаҽуан азы хәлаанӡа аԥша ахьасуаз саалеиҩеит.
Сҩызцәа хынҳәит азы схала ақалақь салан. Шьыбжьонтәи сыкрыфарақәа рзы
азербаиџьанцәа рыкрыфарҭақәа рахь сымҩахыҵлон. Ари аҭыԥ Қарҭ аԥсылманцәа ахьынхоз
аган ахь акәын иахьыҟаз. Араҟа акаҳуажәырҭақәеи, акрыфарҭақәеи, аџьырмыкьақәеи рыла
ақалақь мрагылараа ртәы зныԥшуаз ҭыԥын. Аҭоурых излаҳәоз ала, ақалақь Ҳалифа Осман
ихаан аԥсылманцәа рнапахьы ииасны нас Селчукцәеи, Харземшахцәеи, Иранааи, Чингиз Хани
раамышьҭахь Османаа рахь ииасзаап. Абри аҟара аҭоурых шамазгьы аџьаамақәеи бааки рыда
акгьы азнымхаӡеит.
Қарҭ урыс қалақьӡам, қырҭуа қалақьуп, аха ақалақь аурысқәа кыр аџьабаа адырбалахьеит,
амҩа ҭбаақәеи, асасааирҭақәеи, апарк ԥшӡақәеи рыла ақалақь қалақьны иҟарҵеит. Аибашьра
ҟалаанӡагьы ари ақалақь Кавказтәи агубернатор итәарҭа акәзаарын.
Ессымша мариала крысфарц азы арахь саауан, агьыс еиҳарак ақалақь апаркқәа рҿы аамҭа
схызгон.
Аԥснынтәи иааз аделегациа рус нҵәаӡом, сара сакәзар, сычҳара маҷхеит. Арахь
Қырҭтәыла аиҳабыреи дареи ирымаз аицәажәарақәа хмыркәшаӡакәа изыхынҳәӡомызт. Даҽа
мчыбжьык сырзыԥшыргьы, уаҳа аԥшра шсылымшоз атәы расҳәеит. Избанзар исымаз аԥарагьы
нҵәон, нас иҟасҵоз, сабацоз? Иагьа имаҷны иныухуазаргьы, зегь дарароуп есмыша сԥара
агхара иаҿын. Ари аҩыза аҭагылазаашьа схьаақәа ирыцнаҵон.
Ианаму, сҭагылазаашьа аартны ирзеиҭасҳәеит, ас анрасҳәа аделегациа иалаз Капба Лева
дсыцны Аҟәаҟа ҳдәықәларц рыӡбеит. Даргьы русқәа ианрылгалак амшын мҩала Аҟәаҟа
ишаауаз, саргьы уа сырзыԥшырц исыҳәеит. Абас ала, абзиаразы ҳәа неибыҳәаны, сҩызагьы
дсыцны асасааирҭахь ҳхынҳәит. Сҩыза ҩымш раҟара усқәак шимоу, дышрылгаз еиԥш,
ҳашдәықәлаша ансеиҳәа, даҽа ҩымш ҳааԥшып сҳәеит, ушьҭа усгьы иара дсыцын.
Аха аделегациа адырҩаны русқәа ирылганы ҳара ҳаԥхьагьы амҩа иқәлеит. Ҳаиццап
рҳәеит, аха урҭ амшбжара нахыс ӷбала ицон аҟнытә срыцымцаӡеит. Сара мҩала Гыртәыла
салсны, нас Самырзаҟангьы баны, Аҟәаҟа сцар сҭахын азы саангылт.
Сҩыза ҩымш шиҳәоз иусқәа мчыбжьык дрыдхалеит. Ари аамҭазы сҭагылазаашьа шҽеим
шидыруазгьы исасааирҭа ахәгьы сара исиршәеит, ихымҩаԥгашьа сгәамԥхеит аха иҟахҵарыз
баша сымҩаԥигозма!..
НАНҲӘА 16,1920 Ш.
Асааҭ 8 рзы дәыӷбала Аԥсныҟа хдәықәлеит. Ԥуҭ азааигәара Шераг авокзал аҟны адәыӷба
ҳалбааит, шьҭарнахыс ма ауардын, мамзаргьы афаетон дуқәа рыла ҳцар акәын. Сҩыза афаетон
ду ала ҳцарц сыдигалеит. Ари аҟынгьы дышиашаз афаитон ҩыџьа ажьандармцәа ааины
ианақәтәа реиҳа иеилыскааит.
Иыриҭа зыхьӡыз агыруа қыҭак аҿы ҳнеит. Иеиҿкаау қыҭа дукауп. Даӷьысҭан избаз ақыҭа
рыцҳақәа раамышьҭахь, ари зегь иреирӷыз қыҭазшәа избон. Араантәи даҽа фаетонк
аанкыланы асааҭ 7 рзы амҩа ҳақәлеит. Егры аԥшаҳәаҿы ҳанааи, илашьцахьан азы аӡы
ҳазмырит. Избанзар аӡы ҳарызгоз аплот, амш аныхәлалаак егьи аԥшаҳәахьы инаханы
икыдҿарҳәалон, иага ҟаларгьы аус адыруӡомызт. Ааигәа иҟаз гыруа қыҭак ахь ҳнеит.
Крыфарҭашәа иҟаз ҩыжәырҭак ахь ҳамҩахыҵит, аха ашьҭаларҭа ыҟаӡамызт. Сҩыза ақыҭа аҟны
шьҭаларҭак узыԥшаауазар ҳәа сиазҵаан, аха агырқәа рҿы уахынла асасдкылара аҵас
ахьрымамыз азы, абри аҩыжәырҭаҿы ахә шәаны ҳшаангылашаз сеиҳәеит. Иҟаҳҵарыз, Егры

ҳанызмыр ара иҳаршар акәын. Сҩыза аҩыжәырҭа зтәыз имихыз ацәарҭақәеи ахызақәеи
иманы дааит, аха алымт рхьыкәкәон азы шьҭахьҟа исҭеит, арҭ срылаиар аасҭа шаанӡа стәар
еиӷьасшьон. Аха зегь дарароуп схазы иарҭа бзиак ҟасҵеит. Иҭацәыз столк суапа нықәыршәны
сымаҭәақәа зҭаз асумкагьы хчыс иныҟаҵаны снықәиан, суапа азбжагьы аасықәсыршәит.
Шаанӡа сҭахәхәа сыцәеит. Ари аҩыза ҩынтә исыхьхьан, анцәа идырып, ус шаҟантә исықәшәоз.
Абас гәаҟрак санақәшәалаак ахәаҷа-маҷақәа рҟынтәгьы сахьчарц азы астол ахыхь ақәиара
реиҳа еиӷьасшьон. Асааҭ 6 рзы сааԥшит. Шьыжьхьак ҟаҵаны ҵәыцак ауаткагьы анаҳжәы
ашьҭахь ҳуардын ҳнақәтәаны хдәықәлеит. Егры ҳахьырша ҳаннеи асааҭ 8 ҟалахьан.
Ҳарызгашаз аплотгьы мазеины игылан, раԥхьа ауардын ҭагаланы инақәырҵеит, ашьҭахь
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Кавказ иазку агәалашәарақәа - 8
  • Büleklär
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 1
    Süzlärneñ gomumi sanı 3470
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 2
    Süzlärneñ gomumi sanı 3484
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2044
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 3
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2128
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 4
    Süzlärneñ gomumi sanı 3498
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2157
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 5
    Süzlärneñ gomumi sanı 3417
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 6
    Süzlärneñ gomumi sanı 3434
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2170
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 7
    Süzlärneñ gomumi sanı 3416
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 8
    Süzlärneñ gomumi sanı 3465
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2220
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 9
    Süzlärneñ gomumi sanı 839
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 668
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.