Latin

Кавказ иазку агәалашәарақәа - 6

Süzlärneñ gomumi sanı 3434
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2170
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Ҭырқәтәыла ажәытә ҳәааҿы иаанкылоуп. Қырҭтәылеи абольшевикцәеи рыбжьара аҭынчраз
аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп. Бақәа абольшевикцәа рҿагыларақәа мҩаԥысуеит.
Абольшевикцәа Бақәатәи аиҳабыра хьаас имкыкәа ампыҵахалара рҽазыркит. Абольшеивкцәа
Ингәыштәыла ахьи араӡни рыԥшаара иалагазаап, кыр иаԥсаз аҩны маҭәақәагьы мчыла
иахьрымырхуаз азы игәааз аингәышцәа абольшеивкцәа ирҿагыларц азы аҽеиҿкаара
иаҿызаап.
Иҳаҳаз абарҭ ажәабжьқәа рҟынтә даара ҳгәы иахәеит аҭырқәцәа рҳәаақәа рҿы
иахьаангылаз. Азербаиџьанаа ас шрыхьуаз хдыруан, избанзар урҭ аҭырқәа жәларқәа
рыҩныҵка аибашьра иакәыҵны ахәҳахәҭрахь рхы дырхеижьҭеи акырҵуан.
Ақырҭқәа ракәзар, «аҭоурых шцац ицалоиҭ» шырҳәо еиԥш, уанӡа Қырҭтәыла
аҵыхәтәантәи аҳ Роржьи, ажәакгьы мҳәазакәа, «жәлар рнапхгара» аурыс ар рнапы
ишаниҵахьаз еицш, иахьатәи анапхгарагьы убасцәҟьа рхы мшԥыргеит.
Аингәышцәа рыҟны ахьи араӡни иашьҭаз абольшевикцәа рҿагылара ахььҿиаз
ҳаигәырӷьон. Иаабап ахҭысқәа ахькылсуа...
Иалҳарвиа аҳаблақәа руак аҿы Пасу дҳаргәыбзыӷит, ихы-игәы ҳшьышьит. Нас сҩызцәа
иҵегьы иарҳәаз сызԥырам, игәы алаҟаны дцеит.
Уахагьы Бениҳу Ҳаџьы иҟны ҳаҟоуп. Кырӡа ҳиацәажәеит, ҳнапаҿы дааганы ацхыраара
ҳаиҭартә иҟалар, амҩа ҳақәлоит. Ари аҳабла аҩхаақәеи ашьхақәеи рыбжьаратәи ҭаҳарак аҿы
иҟоуп. Аҩхаақәа руак Терек агәаҩахь, аҩбатәи Даӷьысҭанҟа, ахԥатәигьы Қырҭтәылаҟа
унанагоит.
Арҭ аҩхаақәа ижәытәӡаз аҳаԥқәа рыла иҭәын. Ари аҩыза аҭыԥи, арҭ рҩызцәа афырхацәеи
аурысқәа ишԥарытҟәоз? Ари џьашьахәын! Аха ацивилизациа ҳәа ҳзышьҭоу аҩысҭаарақәеи,
ашьа зхьыкәкәоз аҵыхәтәантәи аибашьыгатә техникеи рҿагылара ԥсыхәа амамшәа иҟан.

РАШӘАРА 4,1920 Ш.
Ҳахьышьҭаз амра хааза ауада ианынаҩнаԥха ацәа саалҵит. Адәахьы сдәылҵразы ашә
анаасырты, ла дуӡӡақәак ашә ишылагылаз анызба шьҭахьҟа снагьежьит. Ведино ҳаныҟаз
бџьарла иеиқәных иҟаз ауаа шаанӡа ҳрыхьчалон, ара ахьчалақәа ракәын ари аус назыгӡоз.

Бениҳу Ҳаџьы иҩны хәыҷы, ииашаҵәҟьаны, ашьаурдынқәа рыҭра иаҩызоуп. Аҩны
Терекҟа ицоз аҩхаа аҳәааҿы иҳаракӡоу хәык иқәгылоуп.
Ҿыц иааз ашьац иаҵәҟаҟараӡа снылатәаны, сылаԥш кыдхалан, аладаҟа, аҩхааи аҳаԥқәеи
рганахь аԥшра саҿуп.
Анцәа идырып ажәытә аамҭақәа раан абра адауцәа нхозар, иара иахьа инхоз ауаагьы
убарҭ аҳаԥқәа ирҭанхоз ауаа рхылҵшьҭрақәа ракәзар? Сыздыруам...
Ажәытә ахҵәара дуқәа аныҟаз ибналаны иааз ауаа, абрахь иахьа ҳара абольшеивкцәа
ҳарцәыбналаны ҳшааз еиԥш, иааны рцәырҵәахит ҳәа агәра зго салагеит. Макьана иага ҳбап!
Аиашазы, ари аҩыза аҭоурых ҭыԥ аҿы сахьыҟоу гәахәара дууп сара сзы.
Абар ҳамҩаԥгаҩцәагьы рыҽқәа ирықәтәаны аара иахьаҿу. Ус анакәха, ари аҭыԥ ԥшӡеи,
ауаа бзиақәеи аанҳажьуазар акәхап. Аиашазы, араҟа инхоз ауаажәлар схырхит, даараӡа бзиа
избеит... Ашьшьыҳәа ирҳәоз рбызшәагьы мелодиа хаак еицш исаҳауан, сырԥырҵыр
сҭахымызт...
Ашьыжь асааҭ ааба рыбжазы хдәықәлеит, ҩба рыбжазгьы Акка ҳнеихьан. Ҳаангылар
шаҳҭахымызгьы мчыла акрыфаразы ҳааныркылт. Иаразнак ҳхәы рхианы ҳлахадартәеит.
Ҳаԥхьа иқәырҵаз ачеиџьыкақәа рыбжьара, ҵәак аҟара иҟәазны, икәымпылӡа, акаҳуа
ԥштәи аиқәаҵәеи рыбжьара иҟаз ԥштәык змаз чаӷьан. Сара ари игәхьаазгоз аҳалуа акәыз
џьшьаны, цырак аашьҭыхны сҿы инҭасҵеит. Унан Анцәа ду! Ари закәызеи, ахәша илакәаҳаны,
насгьы аҩнуцҟа еиҭа ахәша џьны, ахәыз шыла иалхыз амажәа... Сара сыца ари аҩыза
абахьазма, иазырсозма! Сҩызцәа иҟаз аилкааны иааԥышәырччан, «иуфама аҳалуа!» рҳәозшәа
исыхәаԥшуан.
Аха ҳара ҳакәын зегьы зхараз, акрыфаха ҳамаӡам анаҳҳәа иаарласны ак
ааиларҟәаҟәазаарын. Мамзар, уаҩҵас уасак ҳазшьны иаҳԥымлози.
Ари акрыфара имаҷымкәа алаф алаҳхит. Ҳамҩа иацыз аџьабаагьы ҳханаршҭит.
Абар Акка ҳаналсуаз ҳзықәшәаз анышәынҭрақәа рҿы избаз адамыӷақәа рҟынтә акы-ҩба:

Арҭ адамыӷақәа ачерқьесцәа рҿы ахархәара ду рымоуп. Сгәанала аҭаацәарақәеи
ажәлақәеи ргербқәа роуп. Кавказтәыла ауасақәа, еиҳаракгьы аҽқәа рҿы абри адамыӷақәа
рнырҵоит. Ибзианы исгәалашәоит, ҳаргьы ҳаҽқәеи ҳуасақәеи абарҭ реицш адамыӷақәа рнын:

Анышәынҭрақәа ирныз арҭ асахьақәа аҭаацәарақәа ирызкызу, мамзаргьы ажәытәӡатәи
аҩырақәа ракәзу сыздыруам, аамҭа ҳауны исзыҭҵаандаз!
Аԥсуаа рҿы «ар ушьҭома» рҳәоит. Ҳара ҳҭагылазаашьагьы убасҵәҟьа акәын ишыҟаз.
Ииашаҵәкьаны ар ҳашьҭан. Ас еиԥш иаҳбоз рацәан, аха аҭҵаара аамҭа ҳамаӡамызт. Жәымз
раахыстәи ҳааԥсареи иаҳзынамгӡаз зегьы ирыхҟьаны, ҳхьаақәа реибыҳәахагьы ҳамаӡамызт.
Асааҭ аказы ақәеи акырҵхеи ҳахьӡеит. Анцәа иҟынтә ауапақәа ҳаман, ауапа анушәу
ақьала уҵатәоушәа уахьчон, даеакала иуҳәозар, ажәҩан аганахьала шәарҭак ыҟазар ҳахьчан.

ԤОҲОИ
Асааҭ 9.30 рзы ԥоҳои ҳааит. Абжьаратәи ашәышықәсақәа ирцәынхаз абаақәа актәи
реихагылақәа ҩныс рхы иахьадырхәоз қыҭа хәыҷык ауп аригьы. Аҩнқәа зегьы баак аҩныҵҟа
иҟоуп, жәыларак аныҟалалак абаа ашәқәа ыҵарҟаца инаркны рыҩнқәеи рқыҭақәеи
рыхьчозаарын.
Ҳаргьы ауха абаақәа руак аҿы иаҳхаҳгеит. Ицқьоу, иԥхоу уадак аҟны ҳаԥсы ҳшьеит. Ауха
уасакгьы ҳзыршьит. Амҿы иалхыз аҵәца дук ала ҳаишьҭагыланы атәангьы ҳжәит.
Ари аҩхааҟны абжьаратәи ашәышықәсқәа рзы ирацәаны ауаа нхозар акәхарын,
уахьынаԥшлак абаақәа рыла иҭәын. Арҭ абаақәа рҿы иахьагьы ауаа анхара иаҿуп. Акызаҵәык,
алҩацарҭақәа арҭазом.
Ԥоҳои избаз нышәынҭрақәак схашҭуам. Уада хәыҷык иаҩызаз арҭ анышәынҭрақәа руак
аԥенџьыр аҟнытә ԥсыбаҩла ишҭәыз збеит. Ибааз амаҭәа-ҩыҭәақәеи ӷәы ԥҽыхақәаки ҭаԥсан.
Даҽаџьара аԥсы дбаахьан, аха имаҭәақәа макьана еибган. Излеилыскааз ала, аԥсы имаҭәа
ишәҵаны дҭарҵон. Арҭ анышәынҭрақәа ажәытә аамҭа иатәызаап. Ҳамҩаԥгаҩы аԥсцәа
еилаҳәаны акәыба иҭаҵаны, аԥенџьыр ала ашыҵҟа ишҭарҵоз ҳаиҳәеит. Наҟ-наҟ ари аҵас
ааныжьны, аԥсцәа ишиашоу анышә иарҭо иалагазаап.
Арҭ анышәынҭрақәа зегьы еиԥшзам.
Зегьы ирызку анышәынҭрақәа, идуу хыбраҟны иҟоуп.
Аҭаацәаратә нышәынҭрақәа арҭ реиҳа иеиҿкаауп.
Аӡәы имацара изку анышәынҭра.
Иалху мшқәак рзы анышәынҭрақәа рахь инеины, аԥсцәа ргәалашәара ҵасны ирымазаап.
Аԥсылманра анрыдыркыла арҭ аҵасқәа рыԥсахит. Аха Ҭырқәтәыла ауаа абыржәгьы
аԥсыцқьақәа рнышәынҭрақәа рахь ицаны анцәа иҳәоит ргәабзиаразы...
Асааҭ 7 рзы уаанӡатәиқәа реиԥш ауаҩы игәы ҭызҟьоз абаақәа рыла иҭәыз даҽа қыҭак аҿы
ҳнеит.
Ари ақыҭа Қырҭтәыла аҳәааи Дариалтәи аҭысырҭеи ирзааигәан. Казбек хәыҷы акалҭаҿы
иҟан. Ҳаԥшәма ҳаҭыр ҳақәиҵоит, аха цәгьа дыџьбароуп. Иҭагылазаашьеи ихымҩаԥгашьеи
ирыхҟьаны раԥхьа игәра ҳзымгеит. Ҳшәаԥырҳаԥуа ҳшыҟазгьы намаз ҳкыр акәхеит. Амала асас
ачарҳәара изура кавказаа ршьа иалаӡамызт азы ашьшьыҳәа ҳааҭынчхеит.
Ԥыҭрак анҵы ҳаԥшәма даара ибзианы ҳаҭыр ҳақәиҵеит.
Ҳакәша-мыкәша иҟаз анышәынҭрақәа аамҭала ныҳәарҭасгьы ишыҟаз, ҳабдуцәа рыԥсы
даараӡа ҳаҭыр шақәырҵоз ҳаҳәаны абасгьы нациҵеит:
Ара аԥсылманра 50 шықәса раҟароуп иахыҵуа. Уаанӡа ақьырсианразы иага аус рузаргьы
ишрықәымҿиаз, аԥсылманра мариала ишрылаҵәаз ҳаиҳәеит. Иара даныҷкәыназ аурысқәа
идыргылаз ауахәама ирбгахьазаарын, убри аҟнытә Сибрака ддәықәырҵахьан, дыбналангьы
даахьазаарын. Анакшибендицәа иреиуаз хәаџьак абраҟа дааны аԥсылманра шрылаирҵәаз,
ҟәышралагьы дышрызныҟәаз атәы иҳәеит. Ахәаџьа раԥхьа данаа, ирацәаны иҟаз аҳәақәа рзы
урҭ «шәрылгаанӡа ишәфар ҟалоит, аха нас уаҳа анышәцар иҳарамуп» ҳәаны, мчыла акәымкәа
иргәарԥханы аԥсылман дин рылеигалазаап.
Ҳқыҭа, сыԥсала ихкьоу ашьха акалҭ аҿоуп иахьыкоу, ҳҿаԥхьа иҟәашӡа ажәҩан
иаҵакьысуашәа игылоу ашьхақәа ҳрыхәаԥшуеит. Арҭ ашьхақәа ҳархымскәа уаҳа ԥсыхәа
ҳамаӡам. Ҳҽы рыцҳақәа ирыԥсыхәоз? Изҳацныкәозма? Иҳаздырам, аха ҳхы ԥаҳшәоит. Иахьа
Казбек ашьха шьапыла ҳахысроуп.
Ара аҵаа рацәоуп. Жәа километрак раҟара наҟ-ааҟ аҵаа иакны ишыҟоу убоит.
Есааира иҳаракхоз Кафтәи ашьхақәа рқәацә аҵаҟа ҳнеит. Уажәы ҳаԥхьа игылоу Казбек
ашьха 5000 метра аҳаракыра амоуп. Ашьха мрагылара аганахь иҟаз Дариалтәи амҩа ҳара ҳзы
иаркын. Егьи, Влаԥикавкази Қарҭи рыбжьара акәзар абольшеивкцәа рнапаҟны иҟан. Ус

анакәха, хара Казбек хәыҷы аганахьала 3500 метра аҳаракыра змаз даҽа ҭыԥк аҟынтә
ҳаҽқәагьы ҳаманы ашьха ҳахысыр акәын... Мраҭашәарантә мрагылара аганахь Китаитәи
абааҭзамц еиԥш игылаз арҭ ашьхақәа аҭоурых иеиуеиԥшым аамҭақәа раан ажәларқәа рзы
хыҵакырҭас иҟалеит. Кавказ ашьхақәа рҿы лассы-лассы избалоз ахәқәа Китаиаа рбааҭӡамц
аҟны 200 метра цыԥхьаӡа игылаз иҳараку абаашқәа иреиԥшнысшьалон. Аха руак аԥсабара,
егьи акәзар ауаа иҟарҵаз акәын.
Ашьыжь асааҭ фба рыбжазы хдәықәлеит. Асы ахьышьҭаз аҭыԥқәа рахь ҳнеирц азы 8-10
сааҭ раҟара ҳныҟәар акәын. Бнара ԥшӡак инаваршәны ацара ҳаҿуп. Асааҭ ԥшьба рыбжазы асы
ахьышьҭаз аҭыԥ аҟынӡа ҳнаӡеит, ҳаҽқәа ҳрықәтәоуп, аҩадаҟа ҳныҟәара иацҵахоит.
АҴАХАРА
Жәа сааҭк раҟара ҳанныҟәа ашьҭахь, уаҳа ҳалымшо ҳанкараха ҳаангылт.
Ҳамҩаԥгаҩцәагьы иҟарҵаша рыздыруамызт, избанзар уаҳа ҳазлацаша амҩа рыздырамызт.
Аҿҟьара уалыбгар, мамзаргьы асы улаҳар ҟалоит, уахьҭаҳауа уздыруам. Ас ианыҟала еиҭа ԥыҭк
алада ҳалбааит. Зегь ҳаасҭа ари ҳаҽқәа еигәырӷьеит, избанзар ара аҳаскьын ирфаша
маҷымкәа иҟан. Раԥхьатәи ҳаҵахара ашьҭахь ҳаҩуа алада ҳалбаауан. Санылбаауаз аԥхзы
исылҵуаз ақәаршҩы иаҩызан. Алада ҳаннеи раԥхьа ҳзықәшәаз ӡыхьк аҟны сыҽкажьны
сызхара аӡы зжәит. Даҽаџьара акәзар, аԥхӡы улҵны ушыҟоу абри аҟара аӡы ужәыр
уԥсыҵәкьон. Аха ара акымзаракгьы сԥырхагамхеит. Ҳаҽқәагьы ҳаргьы ҳазхара аӡы ҳжәит,
иаҳжәит ҳаанымгылаӡакәа...
Беркок Беи иофицерреи иарԥысреи инаҭоз амч ихы иархәаны, даҽамҩак изыԥшаауазар
ҳәа хәык ахь дхалеит. Аха иага дныҟәазаргьы акгьы анизымԥшаа, маџьанарак ҟазҵаз ахәыҷқәа
реиԥш дыԥхашьа-ԥхаҵо даакылсит. Беркок Беи аныҟәаразы имаз илшара сышԥеилаҳауаз,
ааԥсарак издырзомызт. Ушьҭа ахәлара иалагахьан азы ҳахьынгылашаз ҭыԥк алаҳхыр акәын.
Аха ҳабацоз? Аиашазы «абольшевикцәа рхы сықәшәандаз» сҳәо аҟынӡа сааԥсахахьан.
Ауха аҵааршәыра акалҭ аҿы иаҳхаҳгарц ҳаӡбеит. Ҳамҩаԥгаҩцәа алҩа уаҩы имбаратәы
мцак аиқәцара азин ҳарҭеит. Ҳаргьы мца хәыҷык ааиқәҵаны аҿаԥхьа ҳнатәеит. «Аҳ,
ишәарҭамкәа иҟандаз, ажәытә амца иамҵахырхәоз ауаа зҵашьыцша мца дук еиқәысҵон»,сҳәеит. Абри аҟара амҿы ҳалатәаны мцак ахьаҳзеиқәымҵоз сгәы ԥнажәон. Ҳазхара аӡы
ыжәны, аџьықәреи мгьал ыфаны, ҳуапақәа ааҳакәыршаны ҳнышьҭалеит, ҳацзаны ҳааԥсара
ҳхаҳгоит ҳәа акәымзи?
Ҳамҩаԥгаҩцәа ҳааигәара иҟаз ақыҭақәа руак ахь ицеит амҩақәа ибзиаӡаны издыруаз
шьоукы ааргарц. Ашьыжь шьаанӡагьы ҩыџьа рыцны ихынҳәит. Асааҭ ԥшьба рзы ҳзылбааз ахәы
еиҭа ахалара ҳалагеит. Ҿыц иааз ауаа аԥхьа игылоуп, урҭ рышьҭахь ҳамҩаԥгаҩцәа, зегьы
рышьҭахьшәа ҳаҽқәеи ҳареи. Ҳаишьҭагыланы цәаҳәак ҳақәгыланы ахалара ҳаҿуп. Сара зынӡа
сахьааԥсаз азы зны-зынла сҽы аҵыхәа ааныскылоит. Арахь иара рыцҳа аарлаҳәа иҟоуп. Аха
иаха азхара аҳаҵкьын афахьан аҟнытә сырҳәазаны саманы ицоит. Ааԥсара ззымдыруаз
ҳамҩаԥгаҩцәа ракәзар, «аҭаҳмада» ҳәа исыхлафуеит.
Асааҭ 12 рзы раԥхьатәи аетап наҳагзеит. Жәа-сааҭк раҟара ҳаанымгылаӡакәа ҳанныҟәа
ашьҭахь абольшевикцәеи аҵааршәырақәеи рыҟнытә иҟаз ашәарҭара ҳхаҳгеит. Ара
иаалыркьаны асыҭәҳәа шьҭыҵит. Иҟоу зегьы асы нарықәыжьны иахәаҽыргьы алшозаап. Убри
аҟнытә амҩаԥгаҩцәа хә-минуҭкгьы ҳаангылар рузом. Иааҟәымҵӡакәа хара иԥшны аҳауа
агәаҭара иаҿуп. Ас ҳашцоз, уаҳа ҳалшом маҷк ҳаангылап ҳәа ҳанрыҳәа, хараӡа иҟаз аԥҭа
хәыҷқәа ҳдырбеит, мап ҳцәыркит. Иҵабыргыҵәкьаны, ҳахьыҟаз 3.500 метра аҳаракыраҟны
бааԥсыла акырцх аура иналагеит. Анцәа иҟынтә, иссан, насгьы лассы ихкәан, ҳаргьы ҳаԥсы
ааиваҳгеит. Ашьҭахь ицәырҵыз амра ҳаблақәа кылнаҵәон, ашьхаҿы аси аҵааи асаркьеиԥш
еилаарцыруа иҟан аҟнытә ублақәа агәыр хкьакьалошәа иҟан. Азиз Беи рыцҳа! Иблақәа ашьа

ҭатәахьан, иԥсыԥ аивгарагьы ицәуадаҩын, ҳаргьы ҳҩыза бзиа ак ихьыр ҳәа ҳшәон. Маҷ-маҷ
аӡы иржәуа, ашьшьыҳәа аныҟәара ҳаҿын.
Анцәа иҟынтә аҳаракыра ҳанахыс ашьҭахь маҷк дааҭышәынтәалеит. Ҳаргьы «оҳ гәышьа»
ҳҳәеит. Ашьхақәа рҿы ауаҩы абас дҟалозаап.
Ҳахьыкоу аҭыԥ аҟынтә
Қырҭтәылатәи аҩхаақәа ииаҵәҟаҟараӡа ҳаԥхьа ишьышьҭоу
ҳбарҭоуп. Ҳахьықәгылаз ахәы аҟынтә, кырӡа алада илбааны иҳәуаз ауасақәа уахь аԥсҭазаара
шыҟоу ҳарҳәон. Зқьы метра аҳаракыра аҟынтә 2.300 метра аҳаракыраҿы иҟаз Дариалтәи
аҩхаа ҳбон. Амҩа ҳазымҭоз, аџьабаа ду ҳзырбаз ари аҭыԥ аҿаԥхьа уажәы аиааира ҳгеит.
Ҳаҽқәа ашьха иахыганы Қырҭтәыланӡа ианнаҳгалаак, уа хә-мариала акәзаргьы иҭины,
Қарҭынӡа ҳазлацаша ҳамҩа ахә ҳархиар акәын. Изтәызи ҳареи ҳшеилгашазгьы анцәа
идыррын. Аха ианаму ҳаҽқәа шьҭахьҟа иҳашьҭит.
ИҲАИХСРА
Ахәы ҳнахысны албаара ҳаналага, маҷк ҳаԥсы ааиҭаҳкып ҳҳәан, ахаҳәрақәа ҳнарықәтәан,
Уаанӡа ишшәасҳәахьаз еицш, алада ихыз ауасақәа ҳрыхәаԥушан. Ԥыҭрак ашьҭахь
ҳаԥхьагылаҩцәа иҩагыланы амҩа иқәлеит, дук мырҵыкәа ҳаргьы ҳнарышьҭалеит,
убасҟанҵәкьа ахысбыжьқәа геит. Ҳамҩаԥгаҩцәа рыбжьара Ахмедов ҳәа еилагак дыҟан,
икылкааны ахысра бзиа ибон азы «еиҭа иара иоуп, дшәарыцозар акәхап» ҳәа ҳааизгәамҵит...
Аха ахқәа нак-аак иҳавыҟьҟьо ианалага, ҳара ҳашҟа ишхысуаз еилаҳкааит. Анцәа иҟнытә
харантә иахьхысуаз азы иҳақәшәомызт.
Изусҭцәадаз арҭ иҳаихсуаз? Дариал ҳанахысуаз ҳаззаанымкылаз аҟаԥшьқәа уажәы арахь
ала иаҳԥылозма? Хара имгакәаиҟаз еилаҳкааит, иҳаихсуаз ақырҭуа ҳәаа ахьчаҩцәа ракәын,
арҭ ауаа араҟа рырахәгьы, аҳәаагьы ирхылаԥшуазаарын. Уажәгьы ачеченцәа рыжәлаз
џьыршьазаап. Ҳамҩацгаҩцәа ихәхәаӡа ианиа ҳаргьы ҳлатәеит. Аха уажәы иҟаҳцоз?.. Иҟоу
еилҳаргаанӡа арҭ ҳаршьыр ҟалон. Аҵыхәтәан, иаҳкыз алаба хәхәақәа руак чабра шкәакәак
надҿаҳәаланы иҳаршәшәо ҳаналага, ахысра иаакәыҵит, даргьы ус аныкарҵа, ҳамҩаԥгаҩцәа
ирацәажәарц азы уахь ицеит. Амапа уа ианнеилаак риапы шахдырбоз еицш, ма ҳшыбналаша,
мамзаргьы дара рышҟа ҳашнеиша атәы хдырбоит ҳәа еибаҳҳәеит. Уажәы ҳтәаны аԥшра
ҳаҿын, ахьчаҩцәа ирацәажәоз ҳамҩаԥгаҩцәа иҳарҳәари, ҳабналару, мамзаргьы уахь ҳцару
ҳәа? Анцәа иџьшьаны, «шәааи» ҳәа рнапы анырҟьа, Уаанӡа иҳаихсуаз рахь ҳдәықәлеит.
Иаабап арҭ ашьхатәи ақырҭцәа шаҳԥыло? Амала даргьы ахьҳеихсуаз ииашан иҟарҵон.
Избанзар, ашьхатәи ачеченцәа абас ирықәланы иаарымоу зегьы ааидкыланы иргозарааын.
Ганкахьала ҳара иҳаихсуан, агьырахь ала, рыкәша-мыкәша иҟаз агәаҭаратә ҭыԥқәа зегьы рахь
адыррақәа рырҭозаап.
Рааигәа ҳаннеи, иҟалаз аимак-аиҿак ашьҭахь ҳазегьы ҳабџьарқәа ааҳамырхит. Ҳнапқәа
ҿарымҳәеит акәымзар, иаҳзыруз ҳаҭҟәаны ҳрыман ауп иаанагоз. Раԥхьа ҳнаргыланы аруаа
ахьгылаз аҭыԥ аҿы ҳнаганы ҳрырҭеит. Уа иааркьаҿны ҳҿахәы ҳҿыхны макьаназы иаҳзынханы
иҟаз ҳкьарахәқәагьы ааҳамырхит. Араҟа, Ҭырқәтәылантәи ҳшааз раҳамҳәаӡеит, ашьхаураа
ҳреиуаны абольшевикцәа ҳарцәыбналеит ҳәа раҳҳәеит. Ҳаицәажәарақәа рҿы Азиз Беи иоуп
ҳаилзыргаз. Ауха ақырҭқәа рыруаа рхыбраҿы ҳанхеит, иҭацәны иҟаз аиарҭақәа рҿы ҳнаиеит.
Ашьыжь аруаа реиԥш ҳаргьы чаик нахдыржәит. Рашәара 8 рзы ҳанаурышьҭ, Казбек иҟаз
асасааирҭа «Европа» ахь ҳцеит. Оҳ, гәышьа! ҳәҳәеит. Абри аҟара ашьхақәа сырхысны сшаауаз
ԥхыӡла избаргьы ихасҵарымызт. Снацәкьарақәаҵәкьа сзырҵысуам, убри аҟара скараханы
сыҟоуп. Кыр аамҭа аԥсшьара сҭахуп.
Ҩынҩажәижәаба шықәса раахыс ашеихцәа рлакәқәа ирзыӡырҩуа ацәа иалахаз ҳажәлар,
ахәаџьақәа «аԥсраанӡа аԥсра» ҳәа ижьаны, иахьатәи рыԥсҭазаара аасҭа ианыԥслак
ашьҭахьтәи рыԥсҭазаара еиҳа иазхәыцуа иҟарҵахьан. Арҭ Шамил имоҭацәа афырхацәа, ҳара

ҳхыкәкы рзеилкаауазма? Аха иҟалалаакгьы ҳара ҳуалԥшьа анагӡаразы иааҳалшоз аҟаҵара
ҳаҿын...
Ақырҭқәа иҳазцәырыргаз ауадаҩрақәа рҵыхәтәа ԥҵәомызт. Арҭқәа зегьы урҭ рзеиҭаҳәара
иаҿыз Азиз Беи иакәын. Иага уадаҩра ҳазцәырыргаргьы, Азиз Беи ҭынч драцәажәаны аҭыԥ
иқәиҵон. Иҳамаз зегьы амашьына ныкәцаҩ шасыс иҭаны, аиадара мҩангага машьынак
қьырала икны Қарҭҟа амҩа ҳақәлеит. Қарҭ ҳаннеилак иԥара иҭаны, ҳамаҭәахәқәа шьҭахьҟа
имаҳхуан. Ари аус аҿы сара исымаз ахәыҷы-мыҷқәа акыр иҳахәеит.
ҚАРҬҞА ҲЦАРА
Рашәара 6 раахыс аӡи аџьықәреи мгьали рыда ҳаца акгьы ҭамлаӡац. Аибашьра
анымҩаԥысуаз исымфацыз аџьықәреи мгьал кьакьаӡа сыбыз аӡаӷьа алнаххьан. Ауха
Пассановил авокзал азааигәара сасааирҭак аҿы ҳаангылеит. Ицқьаза, итатаза иҟаз ҳцәарҭеи,
ашьыжь акәтаӷьи ачаии рыла иҟахҵаз шьыжьхьеи аԥсҭазаара ҳгәанарԥхон.
Рашәара 10 рзы, шьыжьхьа ашьҭахь амҩа ҳақәлеит. Есымша иҭынчӡа иҟаз Азиз Беи, ҩымш
раахыс акалашәа дыҟоуп, зегьы дрызгәамҵуеит. Ас дахьыҟалазгьы хьаас исымоуп. Ас ҳазегьы
ҳаиқәгәамҵуа ҳабакылнагоз. Ҳаибачҳар, ҳныҟәибагар акәын.
Асааҭ 4 рзы Казбекынтәи машьынала амҩа ҳақәлеит. Аԥсабара даараӡа иԥшӡан,
иблахкыган. Амҩаҿы Боржом аӡыхь аҟны ҳнеин ҵәыцақәак ҳжәит. Амала уи шьҭахь акрыфара
ҳгәамԥхо ҳкалеит!..
Ҳахьцоз, цҳак ахаҿы ақырҭуа милициа ҳааныркылан еиҭа ҳҿахәы ҳҿырхит. Ақырҭуа
милициа гмыграс иаарымаз зегьы хдырбеит. Араҟагьы Азиз Беи иакәымзар, ҳусқәа ԥхасҭахон.
Анцәа илԥха иоуааит! Иага аџьабаа ибазаргьы аҵыхәтәан, ҳҿихит. Ахәылбыҽха Қарҭ ҳнеит.
Қарҭ «Асасааирҭа Ҿыц» аҟны ҳаҟоуп, аҳауа иага иҟьашьызаргьы ақалақь ауаҩы
дарҭынчуеит.
Ауха Қарҭ абри аҩыза ажәабжьқәа ҳаҳаит: Ҭырқәтәыла макьана иҭынчраӡам, Мусҭафа
Қемап иеиҳабыра аҭынчразы аиқәшаҳаҭра аныргәамԥха мап ацәыркзаап, агьырахьгьы
аҭырқәцәа англиаа ирабашьуазаарын. Абольшеивкцәа Генџье иақәланы 16.000 ҩык аԥсылман
жәлар ршьызаап. Бақәатәи аиҳабыра ыҟаӡам, анапхгара абольшеивкцәа рнапахьы ииасхьеит.
Мусҭафа Қемал дызхагылаз Куваи Миллиеи абольшеивкцәеи аиҩызара рыбжьазаап! Ажәакала
анс, арс...
Азербаиџьан ас шыкалоз усгьы еилкаан, хара имгакәа Қырҭтәылагьы аҩызаҵәҟьа
шазыԥшу ҩашьаӡом.
Арҭ аиҳабырақәа аҭоурыхи рлахьынҵеи ирнаҭаз аҭагылазаашьа рхы ирзамырхәаӡеит.
Ршьапаҟны ишьҭаз аҭагылазаашьа закәыз рзеилымкааит. Рызегьы еидгыланы Урыстәыла
аҿагылара аҭыԥан хаз-хазы рҭаххарақәа ирызхәыцуан. Азербаиџьанаа, Даӷьысҭан,
Қырҭтәылаа Аԥсны рымпыҵахалара ишеиԥхыӡуаз дара рхаҭақәа аурыс ихәура инҭалеит.
Исхашҭуам,
Даӷьысҭан
ҳаныказ
Закатал
захьӡыз
аҭыԥ
азербаиџьанаа
ирымпыҵадырхалеит ҳәа уҳәан-сҳәанк ангәарла, азербаиџьанаа реиԥш милаҭ башак
ҳрымпыҵархалар аасҭа аӡә даанхаанӡа ҳшеибашьуа ҳәа иқәит.
Исгәалашәо даҽакы, Қырҭтәылантәи Азербаиџьанҟа санцоз адәыӷба иҭаз ақырҭуа аруаа
иргәарԥханы ашәак аҳәара ишаҿыз збеит. Ҳамҩаԥгаҩы ари ашәа иаанагозеи ҳәа саниазҵаа,
Трабзон ақалақь рнапаҿы ишааргаша иазкуп иҳәеит!.. Абри аҩыза аԥхыӡқәа ишрылаз
рнапаҟны иҟаз ахьтәы уасцәа рымпыҵыҵны, атәра азынџьыр наганы иҩархарҵеит.
Мааҭк ҳџьыба ишҭамызгьы сасааирҭа бзиак сыҩноуп. Ари асасааирҭа Кавказаа
ринтеллигенциа рыжәлари рыԥсадгьыли хьаас ишыркым, рыжәлар ишрылагылам даҽазнык
иаҳнарбеит. Аурыс культурала иааӡаз арҭ ауаа реиҳараҩык, излаз аристократиатә ԥсҭазаара

ааныжьны ҳара иаҳхаагаз аџьабаа ҳҭагылоит ҳәа рыгәгьы иҭамызт. Ҳара абарҭқәа зегьы хьаас
ишьҭызхша ареволиуционерцәа ракәын иҳагыз. Урҭ аиааира аныргалак акәын қьаф аныруаз.
«Раԥхьа аџьабаа, нас ақьафура!..», аха ҳараҳтәқәа имбааӡаӡакәа аԥсыӡ ркыр рҭахын!..
Асасааирҭа акрыфарҭаҿы уаххьа ҳфеит. Ԥыҭк сыԥсы ҭалеит, сгәалаҟазаарагьы шьҭыҵит,
сџьыба мааҭқәак ҭазар абри аҩыза акрыфара аамышьҭахь ҭыҭынк самыхарыз! Саб ишиҳәоз
еиԥш, «аԥсыцәгьа иаҭаххеит!..» уажәы ҭаҭынк сзаажәга, сҳәар ишԥаармыгарыз. Нхыҵ
Кавказтәи аиҳабыра рысас, Чечентәылатәи аделегат иҭаххар, мап ркуазма? Аха ԥыҭк ашьҭахь,
ахә ашәаразы даҽа қьаадк аасымҵарҵар? Икасҵари? Иеиӷьуп аҭаҭын зынӡа самыхар...
Акрыфара аамышьҭахь асасааирҭа аҩналарҭаҿы снатәеит. Ҳхы иадахҵаз абри аус хьанҭа
шԥанаҳагӡоз? Дарга инҳажьыз хдинтә еишьцәа, шьала-дала иҳашьцәаз ауаа ирыԥсыхәоз?
Абраанӡа зхы иамеигӡаӡакәа ҳаазгаз ҳамҩаԥгаҩцәа шьҭахьҟа рцара шԥалҳаршоз? Абарҭқәа
рызегьы срызхәыцуеит, схы иҭагьежьуеит. Қырҭтәыла рымпыҵархалаанӡа иамоу амч ҳхы
иаҳзархәозма? Азеирбаиџьанаа иеиԥхьатта иҟаз рымчқәа рҟынтә иҳахәаша кыр ҳзалгарыма?
Урыстәыла иадҵны ахақәиҭра иашьҭаз аиҳабырақәа рҟынтә цхыраарак ҳзыԥшаауазма?
Европатәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтә цхыраара ҳаурыма? Абарҭ азҵаарақәа сдырҭынчуамызт.
РАШӘАРА 12,1920 Ш.
Ҳҩызцәа ирымаз Османтәи аԥарақәа, ақырҭуа ԥарахь ииаганы, амашьынаныкәцаҩ ихә
иҭаны, шасыс имаз ахәыҷы-мыҷқәа шьҭахьҟа имаҳхит. Амала ушьҭа асасааирҭа аресторан аҿы
акрыфара ҳакәыҵуеит. Избанзар ахәқәа даараӡа иҳаракыуп. Уи иахҟьаны ааигәа иҟаз Ирантәи
ахәыкаҵаҩцәа ҳрызцаны шьыбжьхьеи уаххьеи еицҵаны краҳфар мышкы иҳазхон.
Ҳахьынхоз асасааирҭа сааҭк иацәыхараз ҭыԥк аҿы ақырҭуа ԥарала зқьы мааҭ шәаны,
ԥшыҩык ҳазхара акәаци аплови ҳфеит. Ушьҭа уаҵәы ахәылбыҽханӡа иҳазҳархар акәын.
Ахәылбыҽха Нхыҵ Кавказ адәныкатәи аусқәа рминистр Ҳаидар Баммат дааины маҷк
аҟара адырра наҳаҭаны дцеит. Адырҩаҽны даараны дыҟоуп.
РАШӘАРА 13, 1920 Ш.
Ҩба-ҩба ҵәыца ачаи, ача ҿаҵак адкыланы шьыжьхьа ҳфеит. Араҟа аҵәцазы ҭырқәшәала
«бардак» анаҳҳәа, ҳаԥхашьеит азы ушьҭа «стакан» ҳҳәароуп. Сыбыз аарлаҳәа иасыршьцылеит.
Иацы, Ҳаидар Баммаҭ Украина ахаҭарнак даниацәажәоз рыцхыраара даҳәеит, аха
Украинатәи ахаҭарнак ҳгәы иахәаша акгьы имҳәазаап. Иахьазгьы Франциатәи ахаҭарнак
ҳаиԥыларц азы диацәажәахьеит. Асааҭ аказы даҳзыԥшуп.
Ҳаидари, Сареи, Беркоки, Азизи Франциа ахаҭарнак иахь ҳцеит. Ҳаидари, Азизи Нхыҵтәи
аҭагылазаашьа изеиҭарҳәеит, ацхыраарагьы иаҳәеит. Ҳаицәажәара сааҭбжак ицон,
аицәажәара алҵшәа бзиа аиуп ҳәа ҳгәыӷуеит. Уаҵәтәи амш иаҳнарбо ҳаздырам.
......аа, («европаа» иҳәарц иҭахызар калап - О.Ч..) Урыстәыла иадым, зхы иақәиҭу Кавказаа
рҳәынҭқарра рҭахызаргьы, ԥсылман ҳәынҭқарраны иҟалар ҳәа ишәагәышьон.
Иацы акрыфарҭаҿы мышктәи ҳхәы ҳфеит. Ахәылбыҽхагьы акыраамҭа сзызхьаауаз ҭыҭынк
сахеит. Асасааирҭа зал аҟынтә исаҳауаз амузика абжьы хаа сааԥсара сханаршҭуеит, аха
сшьапыргәыҵақәа уажәгьы сдырхьаауеит.
Беркок Беии Азиз Беии уаҵәы Франциа ахаҭарнак ирҭараны иҟоу ашәҟәы архиара иаҿуп.
Ашоура учҳаратәы иҟаӡам. Иҵааршәыраз ашьхақәа рҟынтә 40 градус ихалаз ашоура
сзамышьцылеит. Ауадаҩрақәеи ашәарҭарақәеи рыла иҭәыз хәымзтәи сныҟәараҿы зныкгьы
чымазарак смыхьӡацызт. Ақалақь аҿы сызхара сыԥсы шысшьазгьы сычмазаҩхазшәа збоит.
Сыбаҩқәа ԥыҵәҵәоит, аарлаҳәа сыҟоуп...

РАШӘАРА 14,1920 Ш.
Азиз Беи ииҩқәаз машьынкала идиркьыԥхьырц азы иманы дцеит. Еиҳа дзыргәакуаз
аԥареи арратә техникеи ракәын. Иахьа инаганы Франциа ахаҭарнак ииҭараны дыҟоуп. Иалҵуа
аабап... Ахаҭарнаки ҳареи ҳзеинаалар абольшевикцәа рабашьразы амч ҳауеит. Усҟан, уажәы
дара ҳара ишҳашьҭоу еиԥш, ҳара дара ҳнарышьҭалон.

РАШӘАРА 15,1920 Ш.
Жәлар реизара иҟанаҵаз аҳәамҭеи ҳара иҳарҭаз агәрагара зыршаҳаҭуаз ашәҟәуи
афранцыз бызшәахь еиҭаҳгеит. Урҭгьы ахаҭарнак иҳарбар акәын.
Шьыбжьышьҭахь Ҳаидар Баммат ихьӡала Азиз Беии Беркок Беии ахаҭарнак иҿы инеины
иахәҭаз адокументқәа изынрыжьит. Шьҭа аҭак ҳазыԥшуп. Иахьа шьыбжьони ахәылбыҽхеи
ачаи ача адкыланы иҳазҳархеит, уажәы ус хаданы иҳамоу амҩаԥгаҩцәа шьҭахьҟа рышьҭра
ауп. Ҳҭагылазаашьа ахьанҭара урҭ идҳардырӡом, ишыҟоуҵәкьа раҳәазар, анцәа идыррын шаҟа
ихьааргарыз, шаҟа иахьхәрыз...
Сара шьҭа Қарҭ ус сымаӡамызт. Ҭагылазаашьак соур Аҟәаҟа сцар сҭахуп. Ари сҩызцәа
ианрасҳәа, иақәшаҳаҭхеит. Амапа, уажәы аԥара сыԥшаар акәын. Аҵыхәтәантәи ҳгәыӷырҭа
Ҳаидар Баммат иоуп. Ҭырқәтәыла ҳара изыҟаҳцаз жәапроцентк аҟара илшар иҳазхон. Аха
Азербаиџьани Қырҭтәылеи рҭагылазаашьа хыла-гәыла иахьеилаз аҟнытә иԥара аагарҭақәа
нҵәахьан. Уажәы ҳара иҳаԥсыхәоз, ажәҩан аҟнытә афатә ҳзылбаауазма?...
Ақалақь, Нхыҵи Азербаиџьани рҟнытә ибналаны иааз апатриотцәа рыла иҭәуп азы
ақырҭуа милициа ргәаҭарақәа дырӷәӷәо иалагеит. Абџьар ныҟәызгогьы рабџьарқәа
рымырхуеит.
Зны акьарахә ныҟәызгоз аӡәы даанкыланы иабџьар имырхырц ианалага ӷәӷәала аимак
рызцәырҵит, аха абџьар зтәыз имуит, иримҭеит. Аҵыхәтәан, ашәақь наиқәкны иеихсуа аҟынӡа
ианнеи, иабџьар римҭар ада ԥсыхәа имоуит.
Сҩызцәагьы ахынҳәра иалацәажәо иалагеит. Реиԥыларақәа алҵшәа роуп ҳәа агәыӷра
рымамзар акәхарын. Уаха абольшеивкцәа ргазеҭ Нхыҵ Кавказаа рхақәиҭра иадгылоз газеҭк
аҟнытә абри аҩыза ажәабжь анылеит. «Узун Ҳаџьы иҭыԥаҟны иҟаз Ҳаџьы Меҳмеҭ ируаа
руалафахәы абольшеивкцәа рҟнытә иоурц иҭаххазаап, аха мап ицәыркит аҟнытә дааҳәны
драбашьуа далагазаап». Абри аҩыза амц Кавказаа рхақәиҭра иазықәԥоз ԥсылман газеҭк аҟны
иахьанҵахаз уаҩы ицәымыӷхаратәы иҟан.
Ҳара ҳажәлар Каиыш Курт ахәаҟны абольшеивкцәа рҟынтә ауалафахәы акәымкәа,
рхақәиҭра иақәшаҳаҭхар ауп ирҭахыз. Уи аҽны урҭ рхақәиҭра шьала-дала рхы ақәцаны
ирыхьчараны ишыҟоу абольшевикцәа рделегаҭцәа иаартны ирарҳәеит. Уажәы абарҭқәа зегьы
рышьҭахь Кавказаа рхақәиҭра уалафахәык иадҳәаланы аҟьашьра уаҩроуп ҳәа
исзыԥхьаӡомызт.
РАШӘАРА 16,1920 Ш.
Сыбаҩқәа ԥыҵәҵәоит, иацаахыс ахыхь баацсы даара саргәакуеит. Ашьхақәа санрықәыз
сыбзиахәха сыҟан, аха ақалақь ахь ҳанааи сгәабзиара уашәшәырахеит. Ԥарада, шьарада
иҟахҵо ҳзымдыруа ҳахьыҟалаз акәу, иарбан сыздырам, акы сарчмазаҩуан. Аполитикатә усқәа
Азиз Беи иусын азы сара уажәазы баша стәан.
РАШӘАРА 17,1920 Ш.
Азиз Беии Беркок Беии аҩыра иаҿуп, аха ирҩуа закәу сыздыруам. Даргьы акагьы рҳәом.
Атрамваи ала маҷк снеимда-ааимданы асасааирҭахь схынҳәны асоф снықәтәан, амҩаҿы илеи-

ҩеиуа срыхәаԥшуеит. Аиҳаракгьы, Дарга ҳхы ҳацәымшәаӡакәа имҩаԥаҳгоз аусқәа
срызхәыцуеит.
РАШӘАРА 18, 1920 Ш.
Сыгәҿыӷь схызгарц азы атрамваи сақәтәан ақалақь салоуп. Чаи мацаралагьы исырхәлеит.
Ԥшьымш раахысгьы ҿаҵак ачеи ачаии рыда акгьы ҳзыфомызт азы шьҭа сашьцылахьан.
Акыргьы исыгхеит...
Шьыбжьышьҭахь Қарҭ ахәы ҳаракык ахь схалт. Аныҟәара сашьцылан азы
исцәуадаҩмхаӡеит. Ахәы аҟнытә аԥсабара даара иԥшзоуп. Қарҭаа ашоура ианаклак, ԥшак
рыхьдырсразы арахь ихалозаап. Ақалақь зегьы ушьапы аҵаҟа иҟоуп, аиашазы, аԥшӡара убла
хнакуеит... Актәи адунеитә еибашьраҟынӡа атрамваи арахь фымцала иныкәозаарын, аха нас
иԥхасҭахазаап. Уажәы зшьапы иақәгәыуаз шьапыла арахь ихалон. Шәҭыла ихҟьоу ари аҭыԥ
ԥшӡараҿы иҟоу бжьаратә уаауп. Уахьрыхәаԥшуа иаразнак игәауҭоит.
РАШӘАРА 19,1920 Ш.
Ақырҭуа еинралцәа иреиуаз Арслан Ԥашьа ахәылбыҽха ааԥхьара ҳаиҭеит. Сҩызцәа ртәы
сыздыруам, аха сара скьатеиқәа еидылеит, афатә сазхьаауеит. Ма, ақырҭуа ҩы ҵәыцак
ҳжәыргьы акы иаԥсамзи! Ажәакала, ааԥхьара даара сеигәырӷьеит.
Арслан Ԥашьеи ҳареи ҳаибаздырӡомызт. Уахык асасааирҭаҿы ҳаниба, иаргьы аамҭала
Ҭырқәтәыла дахьыказ азы «бзиала шәаабеит» ҳәа ҳаҳәаны, акрыфарҭахь ааԥхьара ҳаиҭеит.
Ааԥхьара рамазан аныҳәа иақәшәеит аҟнытә аныҳәа еицазгәаҳҭеитт. Иаҳфеит, иаҳжәит,
амузика ҳазыӡырҩиит. Ԥашьа арра маҵура далаӡамызт. Иара дахьаамысҭаз азы Қырҭтәыла
ахы ианақәиҭха аԥаша ичын ирҭазаап. Иоура иҭбаара уаҩы ԥшӡак иакәын, афара, ажәра,
амшгара даараӡа бзиа ибон.
Қырҭтәыла абольшеивкцәа рнапаҿы ианаарга Стамбулҟа дыбналазаап. Аҳәаа аусзуҩцәа
рыҟны ҭыԥк ирҭеит. Арыжәтәи ақьафуреи иҽадцаланы дахьыҟаз азы иаалырҟьаны иԥсҭазаара
далҵит.
Аныҳәа Арслан Ԥашьа ибзоурала ныҳәаҵас иаҳхаҳгеит. Иара ҵыԥхгьы Гьионен аныҳәа
сасааирҭак аҿы исхызгахьан. Ас иԥшьоу амшқәа рзы уҭаацәа уанрыцым агәырӷьара унаҭазом.
Сара сҭаацәа иреиӷьысшьо ыҟаӡам, аха шәымбо, аҭагылазаашьа ҳахьаанагаз...
РАШӘАРА 20,1920 Ш.
Ҳаиԥыларақәа рҭак ҳаурц азы даҽа мышқәак аԥшра аҭахызаап. Уи бзиоуп аха, аԥшра
ауаҩы деиланагоит. Агәҿыӷь сагеит. Аныҟәара ада иҟоуи, ақалақь дуӡӡа аҟны усда-ҳәысда,
ԥарада алеиҩеира иеицәоу ыҟам. Уажәы Франциатәи ахаҭарнак иҳаиҳәаша ҳазыԥшуп.
Маҷк шьапыла сааныҟәаны пловк ыфаны схынҳәит.
РАШӘАРА 21,1920 Ш.
Франциа ахаҭарнак агәыӷра ҳазҭаша акагьы иҳәом, ус анакәха Ҭырқәтәылаҟа адәықәлара
ада иҟаҳҵаша акгьы нымхаӡеит, амапа амҩа еилкаазам.
Рашәара 21, 22, 23... амшқәа зегьы еиԥшуп!..

РАШӘАРА 24, 1920 Ш.
Уаха, Арслан Беи акино ахь ҳнаиԥхьеит. Акино аҟны акыр сыччеит. Сызрыччоз Арслан Беи
иажәақәа ракәын.

Акино аҿы, ҵарауаҩык иусқәа дырхашәаланы иԥҳәыс ԥшӡа лаха иоуамызт. Иԥҳәыс,
аҵыхәтәан, даеаӡәы дицныҟәо далагеит. Арҭқәа ҳанрыхәаԥушаз Арслан Беи иҿы иааҭашәо
ҳәо, аҵарауаа рцәа рхыхра даҿын. Ҳаргьы ҳҵарауаҩын, аха иабаидыруаз, ҳафицерцәаз
џьишьон.
РАШӘАРА 25, 1920 Ш.
Иахьа Азиз Беии, Беркок Беии 30.000 нызқь мааҭ рыманы иаҳзааит. Ҳаидар Баммаҭ
иԥшаазар акәхап. Раԥхьа инаргыланы, ҳамҩаԥгаҩцәа рыҩныҟа иҳашьҭит. Аҳәааҟны аамҭала
иаанкылаз ҳабџьарқәагьы рымырхырц раҳҳәеит. Ҳамҭас ираҳҭеит ҳаҽқәеи егьырҭ
ҳабџьарқәеи. Аҳәааҟны ақырҭқәа ҳара ҳабџьарқәа шьҭахьҟа ирырҭоу сыздыруам, аха дара
ртәқәа роундаз.
АԤЫШӘАРА
Даӷьысҭани Чечентәылеи ҳаныҟаз сԥаҵа аусыжьын, ашеихцәа среиԥшхахьан. Қарҭ
ҳанааи, мааҭқәак ансоу аԥсылманцәа ахьеиланхоз ҭыԥк аҿы снеин, схы-сҿы саны, сҽыкәабаны
асасааирҭахь схынҳәит. Сахьааиз абас сызбаз ҳамҩаԥгаҩцәа америкаа сагентны саарышьҭыз
џьыршьеит, рлакҭақәа ырцәгьаны исыхәаԥшуа иалагеит. Аҵыхәтәан, аиҭагаҩ ила араԥ
бызшәала сазҵаара иалагеит.
«Аҟәырҟан аԥхьашьа удыруама?»
«Ааи,» сҳәеит, ҿырҳәала ишыздыруазгьы нацысҵеит.
«Иасин ахәҭак уаҳзаԥхьа,» рҳәеит.
Сырзаԥхьеит. Исырҭаз азҵаарақәа рҭакқәа аныкасҵа. Схы-сԥаҵа зыссаз атәы исазҵааит.
Саргьы ацқьареи агәабзиареи рзоуп ҳәа анрасҳәа, маҷк ргәы дырҭынчит. Ажәакала,
сыԥсылманра агәра дсыргеит. Уаҳа ас шыҟасымҵозгьы расҳәар акәхеит. Анцәа икынтә сыгәра
ргеит, мамзар Кавказ зегьы сқьаафырны срыларҳәон. Иара убраҵәкьа сыршьыргьы ҟалон.

III -ТӘИ АШӘҞӘЫ

РАШӘАРА 30, 1920 Ш.
Ҳамҩаԥгаҩцәа андәықәахҵа ашьҭахь, ҳаргьы ара каҵатә ҳамамызт аҟнытә Ҭырқәтәылаҟа
ҳхынҳәырц ҳаӡбеит. Абасала, Кавказ иара алахьынҵа иазынҳажьуан.
Азербаиџьан рымпыҵархалахьан. Шьҭа Қырҭтәыла ишазааиуаз хдыруан азы ара
аангылара шәарҭан. Азербаиџьан ахақәиҭразы иқәԥоз ауаа ишрызныҟәаз атәы ухәы-ужьы
аргылон. Нхыҵ Кавказ ахақәиҭразы иқәԥоз рҟынтә иааныркылозгьы ирԥеиԥшхоз анцәа
идыруан. Ари зырҵабыргуаз акәны иҟан ҩышықәса раԥхьа абольшевик напхгаҩцәа «Деникин
ҳаиҿагыларц азы Кавказаа ҳрыдгылар аасҭа, иара Деникини ҳареи ҳаидгылар еиҳа еиӷьуп»
ҳәа ирҳәоз.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Кавказ иазку агәалашәарақәа - 7
  • Büleklär
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 1
    Süzlärneñ gomumi sanı 3470
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 2
    Süzlärneñ gomumi sanı 3484
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2044
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 3
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2128
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 4
    Süzlärneñ gomumi sanı 3498
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2157
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 5
    Süzlärneñ gomumi sanı 3417
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 6
    Süzlärneñ gomumi sanı 3434
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2170
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 7
    Süzlärneñ gomumi sanı 3416
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 8
    Süzlärneñ gomumi sanı 3465
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2220
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 9
    Süzlärneñ gomumi sanı 839
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 668
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.