Latin

Кавказ иазку агәалашәарақәа - 5

Süzlärneñ gomumi sanı 3417
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ахшара уԥылоит. Ршьапқәа хырҟьаҟьа, иршәым, ирхам, аха рыблақәа ҭыԥхаауа, рыхцәқәа
рҳәырҳәны, арҭ ахәыҷы бзиақәа мышкызны ашеихцәа рнапаҟны ахраҭ (аԥсра аамышҭахьтәи
аԥсҭазаара) мацара иазхәыцуа иҟамлакәа, рыԥсадгьыли рхақәиҭреи ахьчара иазыҟаҵаз
шьоукы рнапаҟны изыҟалозма?
МЕЏЬИҬИ БАШҚЕИ
Жәлар реизара аҟынтә иҟоу-иану ҳзеиҭарҳәарц иаҳзаашьҭыз ҩыџьа ахацәа гәымшәақәа
иаҳзааргаз ажәабжь ҳгәы иахәартә иҟамызт. Даргаа абольшевикцәа ирыцәшәаны жәлар
реизара иалахәу рахь «уаҳа араҟа аизара амҩаԥгара азин шәаҳҭом» ҳәа рарҳәазаап.
Ажәакала, Дарга ааныжьны шәца ҳәа аанагон урҭ ражәа. Урҭгьы иҟарҵашазы иҳазҵаарц иааны
иҟан. Меџьиҭгьы Башкагьы рылахь еиқәын, ргәы каҳаны иҟан. Абџьари аԥареи рганахьала
гәаҟра змамыз мчы дуӡӡак аҿаԥхьа икаҳҵарыз? Жәлар Реизараҿы абольшевикцәа
ҳарҿагыланы ҳаибашьып ҳәа раҳҳәартә еиԥш макьана ҳазыҟаҵамызт. Шәеимпы ҳәа
раҳәарагьы, акгьы шҳалымшоз ажәлар рылаҳҳәа иаҩызан азы, акы ӡбатәын. Ашьхаруаа
абольшевикцәа рабашьразы ихиан, аха ари ҳара даараӡа ишәарҭоуп ҳәа иҳаԥхьаӡон.
Избанзар адунеи аҿы иҟоу-иану цқьа иҳаздыруамызт, уи адагьы абольшевикцәагьы
рҭагылазаашьа цқьа иҭымҵааӡакәа ҳажәлар амца иаҳзалагаломызт. Уи азы ҳшымчыдоу
рыдмырдырӡакәа мызкы-ҩымз раҟара ирычҳарц раҳҳәеит. Ажәакала, ҳара адәныҟатәи
аҭагылазаашьа ҭаҳҵаанӡа, жәлар реизарагьы аусура иацнаҵар акәын. Даргантәи иԥхарҵар,
даҽаџьара, уаҟагьы иамур маӡала русқәа шынарыгӡаша раҳәаны, ргәы ҟаҵаны ҳрацәажәеит.
Аделегатцәа абарҭқәа зегьы рзеиҭаҳҳәарц азы жәлар реизара ашҟа идәықәаҳцеит.
АҬЫԤ АԤСАХРА
Аделегатцәа цаанӡа Қырҭтәыла аҳәаа иахьазааигәоу ҭыԥк ахь ҳаиасырц ҳабжьыргеит.
Абольшевикцәа ҳара иҳазкны ирхәыцуаз усгьы иеилкаан азы Қырҭтәылеи, Чечентәылеи,
Ингәыштәылеи рҳәаа аҟны қыҭак ахь аиасра ҳақәшаҳаҭхеит.
Хшыҩла аибашьра иага саҿагылозаргьы ҩныҵкала исҭахын. Аурысқәа ирҿагылонаҵы
кавказаа закәытә еибашьцәаз ааԥшуан. Аурысқәа ианрымпыҵахала, аибашьра рхашҭны,
ашеихцәа ражәақәа рыла, адунеитә ԥсҭазаара акәымкәа, аԥсра аамышьҭахьтәи адунеи,
«ахраҭ» иазхәыцуа иҟалон. Ажәытәтәи аибашьратә, афырхаҵаратә ашәақәа рхаҭыԥан, уажәы
адинтә ашәақәа ракәын ирҳәоз. Аказакцәа рабашьра ианалага, ажәытә хьыӡрашәақәа еиҭа
ицәырҵуа иалагеит. Еиҭа ргәымшәареи рфырхаҵареи аадырԥшырц азы абольшевикцәа
ирабашьырц шысҭахыз Беркок Беигьы иасҳәеит, аха уи ари аҩыза агәаанагара даҿагылан.
Ишысҳәаз еиԥш, Ҭырқәтәылеи Европеи рҿы иҟоу ҳаздыруамызт. Абольшевикцәа аҩада
иҟанаҵы ҭырқәтәылааи кавказааи рганахьала иҳалшо каҳҵон, аха Ар Ҟаԥшьаа аҩадатәи
русқәа нагӡаны Кавказ ашьхақәа рахь иандәықәла ҳҭагылазаашьа кырӡа иуадаҩхеит. Ушьҭа
ҭыԥк аҿы ҳзынхомызт. Дара Чечентәылеи Даӷьысҭани ишырҭаху ишалазгьы ҳара ҳабжьы уаҩы
иаҳауамызт. Хыхь абольшевикцәа рабашьра аҭахын анысҳәоз, сыблала избаз аҿырԥшқәа
ракәын ус сзырхәыцуаз. Иаҳҳәап, Даӷьысҭани Чечентәылеи иахьа казак еибашҩыкгьы

дубомызт. Урҭ рырратә хыбрақәеи, рхырӷәӷәарҭақәеи, рбаагәарақәеи зегьы кавказаа
рнапаҟны иҟан. Иацы аказакцәа рыр аҵазырхаз кавказаа иахьагьы абольшевикцәа рыр
аҵадырхап ҳәа сгәыӷуан.
Аказакцәеи ашьхаруааи рыбжьара иҟаз аибашьрақәа акы-ҩбак ара ианысцоит.
Арҭ аибашьрақәа рыбжакы Узун Ҳаџьы напхгара аиҭон. Уи ицхраауан Уаанӡа
ишәсырдырыз аҭырқәа ҷкәынцәа Дебрели Хәсеини, Чорумлу Али Рызаи. Урҭ рыԥсадгьыл
кырӡа ишацәыхаразгьы Вединотәи аиҳабыра аԥызҵаз Узун Ҳаџьы идунеи аниԥсах,
ирыцҳахәха Чечентәыла ашьхақәа рҿы инхеит. Арҭ ауаа ҳара Ведино ҳаннеи инаркны ҳцаанӡа
иҳацрымҵӡакәа иҳацын.
Узун Ҳаџьы иҽыуаҩцәа ирхагылаз Дербели Хәсеин, актәи адунеитә еибашьраҿы
аерманцәа дахьрабашьуаз маҷк иахьахирҟьацәаз иахкьаны, аибашьра аамышьҭахь
дыбналаны Кавказка дааны дыҟан.
Чоурмлу Али Рыза иакәзар, аҭырқәа ир рҿы артилериа амаҵ иуан, ишыҟалаз уара идыр,
аха Узун Ҳаџьы иҟны дааны артилерриа дахагылеит. Узун Ҳаџьы иԥсы ҭанаҵы хацәынмырха
иус наигӡон. Злахьынҵа кавказтәи ашьхақәа рахь иаанагаз арҭ ауаа зыԥсадгьыл азы акы
ҟазымҵоз ԥыҭҩык ҳинтеллигенциа рзы иҿырцшыган.
Абарҭ афырхацәа аҩыџьа злахәыз аибашьрақәа абра ианысцоит. Арҭ аибашьрақәа зегьы
рыҟны Хәсеини Али Рызаи рылшареи ргәымшәареи ртәы ашьхаруаа рҟынтәшаҟантә
исаҳахьаз.
Аибашьра ҭыԥқәа рҿы иҭахаз рхыцхьаӡара:

Боҳуниурт аибашьра
Сивиркурт аибашьра

аказакцәа

ашьхаруаа

Аамҭа
15 жәабран
1917
26 жәабран
1917

ԥерԥигьиул аибашьра
Мелчика аибашьра
Киостеқ аибашьра

Чечениурт аибашьра
Сасениурт аибашьра
Месқеруиурт аибашьра
Чирқе аибашьра
Қудурмез аибашьра

100035

Гьиузелавҭа аибашьра
Берчиниурт аибашьра

10рашәара
15 лаҵара
1918
5 нанҳәа
1918
3 нанҳәа
1918
10 лаҵара
1919
15 лаҵара
1919

Чечентәылеи Даӷьысҭани аказакцәа ианрабашьуаз, Даӷьысҭани Азербаиџьани рҳәаа
азааигәара Нури Ԥашьагьы ашьхаураа рбольшевикцәа, иџьашьахәуп, аха аибашьра
рылеиҳәон.
Меџьити (Меџьит нас абольшевикцәа дшыршьыз ансаҳа даара сгәы снархьит) Башкеи
мцаӡеит, адырҩаҽны шаанӡа амҩа ҳақәлоит ҳәа ҳаӡбахьан. Иаараны иҟаз ҳамҩаԥгаҩцәа
рзыԥшра ада уаҳа ус ҳамаӡамызт аҟнытә Беркок Беии сареи аҩны апхьа ҳтәаны ацәажәара
ҳаҿын. Ус, иаалырҟьаны ақәа кыдҵәаны алеира иналагеит. Иаразнакгьы илашьцеит, ауаҩы
игәы ҭнаҟьаратәы идыдуан, имацәысуан; ана-ара амацәыс аҵлақәа ираахацыцхьаза
ихыжәжәаны икаҳауан, исзымычҳанкәа аҩныҟа сыҩналт. Схаан ари аҩыза адыдмацәыс
сымбацызт. Аиашазы, ара амшцәгьагьы даеакын...
ЛАҴАРА 16-1920 Ш. АМҼЫША.
Ашьыжь асааҭ 6 рзы ахыхь саанарԥшит, аспиринк шԥасҭаху, аха уигьы абасыхәоз. Ахаан
аӡи асапыни зымбацыз ҳиарҭақәа ирхылҵуа афҩы бааԥсы сгәы архынҳәит. Аибашьрақәеи
ахынҭаҩынҭарақәеи ахьыҟаз Кавказ ашьхақәа рҿы асапын ҳазназгодаз, иааузымчҳаратәы
зегьы ҟьашьын...
Шаанӡа иаараны иҟаз ҳамҩаԥгаҩцәа руаӡәдааит, аха егьи дыҟам, ҳаизыԥшуп. Шьыжьхьа
ашьҭахь, дшааизеиԥш хдәықәлараны ҳаҟоуп. Ари аамҭазы Беркок Беи ҳахьцаша аҭыԥгьы
ԥсахны, Даӷьысҭанҟа ҳцароуп ҳәа иӡбеит. Аха сара сгәанала, уахь ацара иашаӡамызт, ҳара
абольшевикцәа ҳашырцәыбналоз, уажәы ҳнеины рыкәа ҳҭалон. Чечентәыла ҳара ҳзы еиҳа
ихьчан, аха иаабап иаҳԥеиԥшу... Ашьыжь, егьи ҳамшԥгаҩгьы данаи, амра шгылаз еицш амҩа
ҳақәлеит. 7 сааҭк рыла Анди ашьхақәа ҳархысны Гагатлы ҳнеит, уа ҳахьынаԥшааԥшыз зегьы
абольшевикцәа рнапаҿы ишыҟаз аабеит. Абриала арахь баша ҳшааз, анхарҭа ҭыԥгьы
шаҳзымԥшаауаз еилаҳкааит.

ЛАҴАРА 17,1920 Ш.
Ауха Гагатлы иаҳхаҳгеит. Чечентәыла аҳәаа иазааигәаз ари ақыҭаҿы, Ҭырқәтәыла
иаабахьаз ақыҭақәа рыҟнеиԥш, аҩнқәа еизааигәаны иеивагылан, иаразнак улаԥш иҵашәоз
қыҭа дукакәын. Даараӡа иҟьашын, аха ҳара ҳахьынхоз аҩны иџьаушьаратәы ицқьан, иеиҿкаан.
Ҳаԥшәма ауапа аахәаны изҭиуаз аӡә иакәын азы иҭагылазаашьа хар амамызт. Ауха иҭбааза
иҟаз ауадақәеи, ипашәӡа ицқьаз ҳиарҭақәеи рҿы ихааза ҳацәеит. Саадуллаҳ захьӡыз ҳаԥшәма
ашьыжь ҳгәырӷьаҵәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәеит.
Ахәҳахәҭра инаҭаз абеиара иахҟьаны Саадуллаҳ абольшевикцәа бзиа ибомызт.
Даӷьысҭантәи абольшевикцәа ирызкны имаҷымкәа адырра ҳаиҭеит. Насгьы Даӷьысҭан уаҳа
ҳаанымгыларц азгьы ҳгәы ҳҽаниҵеит. Ҳаргьы даҽа ԥыҭк иҭҵааны иажәақәа шиашаз
анеилаҳкаа зынӡа ҳгәы каҳаит. Уажәы ишԥаҟаҳҵоз? Даӷьысҭан ҳзаангыломызт,
Чечентәылаҟагьы ҳзыхынҳәуамызт!..
Сгәы ҭҟәацуа сыҟоуп аха аччара сыхҭанакит. Беркок Беи иҭагылазаашьеи, сқалԥад
кылҵәаны иааԥшыз сшьацәҟьарақәеи срыхәаԥшцыԥхьаӡа ачча сакуан. Ари узхыччаша усума?
Аха анервқәа!..
Уажәазы алашьцараҿы амҩа ҳахҟьазшәа ҳбоит... Ԥыҭрак ҳаԥсы ааивганы Қырҭтәылаҟа
хдәықәлеит.

РИҚА
Даӷьысҭан аҳәааҿы раԥхьаӡатәи Чечен қыҭоуп, ажәҩан иаҵагылоз Кавказтәи ашьхақәа
рҿы 7 сааҭ аныҟәара ашьҭахь Риқа ақыҭанӡа ҳнаӡеит. Амҩахәасҭақәа рыла Қырҭтәыла
ҳазааигәахар ҳҭахуп, алшара ҳаур аингәышцәагьы ҳрацәажәар ҳҭахуп. Беркок Беи Ҟабардаҟа
ацара шалымшоз иҳәахьан. Сара сакәзар, Ингәыштәылеи Ҟабардеи рышьҭахь Ашәуа шьхақәа
рҟынтә Аҟәаҟа албаара сҭахын, аха ари амҩала цашьа шыҟам анеилаҳкаа, Қырҭтәылатәи амҩа
алаҳхит.
АУАСАҚӘА БЗИАЛА ШӘААБЕИТ ҲӘА РԤЫЛАРА!
Ахәылбыҽха Беркок Беии сареи ҳашцәажәоз ахысбыжьқәа го иалагеит. Шьоукы ҳажәлаз
џьаҳшьеит, ҳара-ҳара ҳаихәаԥшуан «уажәы иҟахҵои, алҵшьас иҳамои?» ҳәа, аха баша хьаас
иҟахҵеит. Ақыҭауаа ашьхаҟынтә ԥырхагада руасақәа еибганы иахьылбааз иеигәырӷьаны
ихысуазаарын! Ауасақәа лассы-лассы ирӷьычлон.
Рика аҳәаа иаԥну ақыҭақәа егьырҭ ачечен қыҭақәа иреиԥшӡамызт. Асасдкылареи ауаҩреи
рыла иеиԥшызаргьы аҳәаа аҿы инхо ауаа реиҳа иџьбароуп, ихжәацәоуп.
ЛАҴАРА 18,1920 Ш.
Уаҵәы рамазан мза алагоит. Ашьыжь иҳауз ажәабжь ала, абольшевикцәа арахь комиссарк
дшаарышьҭыз еилаҳкааит. Абранӡа иаазар Кавказ зегьы рнапаҿы иааргахьеит ҳәа сгәы
иаанагоит. Анаҟә хчыланы, иқәырԥссо ишыҟазгьы еиҭа ашьхақәа рахь ҳкыдлар акәын.
ЛАҴАРА 19,1920 Ш.
Иахьа рамазан мза алагеит. Мрагыларахь ҳхы рханы ацара ҳаҿуп. Ҳзықәгәыӷуаз
ҳамҩаԥгаҩцәа рыла аџьмақәа зланыҟәоз амҩахәасҭақәа ҳарныланы, Аргәын аӡиас иаваз
ақалақь Аргәын аҟынӡа ҳнеит. Аргәын ҳанааи абольшевикцәа зынӡа ҳшырзааигәахаз
анеилаҳкаа, араҟагьы ҳаанымгылаӡакәа ҳцеит.
ҲАЛКИЛЛА
Уаха Ҳалкилла захьӡыз даараӡа иеиҿкааз чечен қыҭак ахь ҳнеит. Қыҭа дууп, аԥсабарагьы
иԥшӡоуп. Абри аҩыза аҭыԥқәа ҳбацыԥхьаӡа ҳааԥсарақәа ҳхашҭуеит, ҳгәы еизҳауеит, еиҳагьы
ампыҵахалаҩцәа ргәаӷ шьҭаҳхуеит.
Абольшеивкцәа ҩ-сааҭк раԥхьа Шатуи абаагьы рнапахьы иааргазаап. Абаа амҩа агәҭаны
игылан, абольшевикцәа ҳрымбаӡакәа ҳавсны ҳазлацоз, иамур еиҭа ашьхақәа ҳарҿалозма?
Ҵхыбжьон асааҭ 3 ҟалахьеит, аха ҳара аицәажәара ҳаҿуп. Беркок Беи аурысшәеи араԥ
бызшәеи ахьидыруа акырӡа ҳарманшәалоит.
Раԥхьа Ингәыштәыла, уаантәи Қарҭҟа ҳцара апрограмма азҳархиеит. Аамҭалатәи
аиҳабыра афинансқәа рминистр жәлар реизара аԥара аҭыжьра ишалаго агәра ҳиргеит. Шаанӡа
ҳашдәықәло еибыҳәаны ҳахқәа нықәаҳцеит, аха сара сзыцәомызт. Шатуи абаа ҳамҩа
иахьангылоу, сгәы арҭынчуамызт, сыцәа ҟьалон.
Арбаӷьқәа ҿырҭуа иалагахьан, аха ҳамҩаԥгаҩцәа аххы рыхга ицәоуп. Убриаҟара сгәы
ԥжәоит, абызшәа здыруазар «шәзыцәои, сашьцәа?» ҳәа срықәыҳәҳәон. Иаха иаҳаӡбаз зегьы
уажәы рыцәа хаа иақәдырӡуан. Ари шԥаранаужьрыз, аха иҟасҵари?
ЛАҴАРА 20,1920 Ш.
Шаанӡа ҳазқәылараны ҳаҟаз амҩа асааҭ 9 рзоуп ҳанықәла. Ҳашиашоу аингәышцәа
рганахь ҳцоит.

Шатуи абаагьы ҳманшәаланы ҳавсит. Абольшевикцәа абас рааигәара ҳаҟаны
ҳахьгәарымҭаз џьашьахәын, ҳара ҳзынгьы қәҿиаран. Издыруада ҳрымбазазшәа ҟарҵазар...
ИҬОН КАЛЕ
Аӡиас Аргәын инаваршәны Иҭон Кале аҟынӡа ҳааит. Иҭон Кале алада Қырҭтәыла ыҟоуп,
аха асы ахькажьу аҟнытә амҩақәа хҩоуп. Аргәын аҩхаа абаақәа рыла иҭәуп. Ҳамҩаԥгаҩцәа
арҭ абаақәа зегьы Шамиль ихаан ишыҟаҵаз ҳзеиҭарҳәеит. Аха сара абжьаратәи
ашәышықәсқәа рҟынтә иаанхеит ҳәа сгәы иаанагоит. Иҭон Кале ашьха ҳаракқәа акәыршаны
иҟоуп, арҭ ашьхақәа рызегьы асы рықәжьуп. Ауаҩы араҟа дынхарц азы ма дхагазароуп,
мамзаргьы Адунеи мап ацәикроуп.
Уаанӡа Ингәыштәылаҟа ацара ҳаӡбахьан, аха уажәы ҳааҳәны Қырҭтәыла аҳәаа иаԥныз
ашьхатәи ачеченцәа рганахь ҳцарц ҳазбеит. Уаантәи Қырҭтәылаҟа ҳаиасыр ҳҭахын, амапа
ашьхақәа рашәарамзатәи амра рымбаӡакәа асы ӡыҭуамызт азы ҳааԥшыр акәын. Ҳахәаԥшып
аҭагылазаашьа иаҳнарбо?
Иҭон Кале аҿы аҵых ҭынч иаҳхаҳгеит, Ҳаԥшәма иахьынӡалшоз ҳаԥсы ҳиршьеит, иара убас
ҳаҽқәагьы. Аиаҵәара згәы ԥнаҵәахьаз ҳаҽқәа афатә бзиа роуит. Аиаҵәара мацара ыфаны
есымша 12 сааҭ ишныҟәоз рымчқәа кәадахахьан... Ҳаԥшәма дхәаахәҵҩын, иҭагылазаашьагьы
бзиан, абольшевикцәа ааир иԥсыхәоз сыздыруам.
ЛАҴАРА 21,1920 Ш.
Ашьыжь Иҭон Калентәи хдәықәлеит, ҳазқәыз амҩақәа аҩысҭаагьы дрымбацызт. Асааҭ 5
рзы Аргәын аӡиас аԥшаҳәаҿы ҳаҽқәа маҷк рыԥсы дҳаршьеит. Саргьы сышәкәы аарлаҳәа
цәаҳәақәак рынҵаха сахьӡеит. Ганкахьалагьы, Кавказ алахьынҵа сазхәыцны сылаӷырзқәа
аауеит, аха арҭ алаӷырзқәа агәкаҳара иатәӡам...
УЛУЛАР АБАА
Аргәын аԥшаҳәа иаԥныз ахәқәа руак аҿы 15-20 метра иҳаракыз баак гылан. Ҳамҩа
иахьазааигәаз азы ҳаҽқәа ҳнарықәцны абаа ааигәаны иаҳбарц ҳҭаххеит. Абаа азауадқәа
рылҩацарҭа еиԥш ихәхәаза игылан, аҵаҟагьы иҵаулаз ҵеџьк иаҩызан. Изларҳәаз ала, ари
жәытә нышәынҭразаарын, аҭыԥантәи ауаа аӡә дырцәыпсыр, дааганы хыхь иҳараҟны, акаҭа
еицш иеиқәыз амҿқәа дрықәҵаны ицозаарын, нас агыгшәыгқәа аԥсы ицәаижьы анырфалак
ибаҩқәа ҵаҟа аҵеиџь аҟара иҵаулаз аҭаҳарахь иҭаԥсозаарын. Ас ишцоз рыԥсқәа абаа
аҩныҵка иржуа иалагазаап, Наҟ-наҟ уигьы иаҟәыҵны анышә иарҭо иалагеит. Ҳаԥхьаҟа арҭ
анышәынҭрақәа срыхцәажәараны сыҟоуп.
8-10 ҭӡы ахьынхоз Чечен қыҭак аҿы ҳааит. Ашьауардынқәа рыҭреиԥш ахәы иқәгылоуп.
Аладагьы аӡиас Аргәын ыҟоуп, аӡиас акәша-мыкәша ажәытә абаақәа рцәынхақәа рыла иҭәуп.
Иааҳакәыршаны ашьхақәа гылан.
Ажәытә, анцәахәқәа ирызку ажәабжьқәа рҿы Кафтәи ашьха ҳәа зыӡбахә рҳәоз адауцәеи
аӡызланқәеи ахьынхоз аҭыԥ абри аҭыԥ акәзар ҟаларын!..
Аратәиқәа Ашьхатә Чеченқәа ҳәа рыхьӡын, егьырҭ ачеченцәа рхы рыдыркыломызт. Рхырҿы ԥшӡаӡа, ихәхәаза, агьырҭ ачеченцәа раасҭа акырӡа иеиӷьын. Иџьоушьаша абри аҩыза
аҭыԥ аҿы аӡахыгатә машьына инаркны, хара нарԥшыга аума, аҵыхәтәантәи иҭыжьыз
абџьарқәа роума, зегьы ыҟан. Кавказаа араса шкәакәа ишырхылҵшьҭроу абарҭ ауаа
идырҵабыргуашәа иҟан. Рыцҳарас иҟалаз, ҳаԥшәма ихьӡ иахьазы исгәалашәом. Ара уаҳа
ҳаанымгылаӡакәа Қеи захьӡыз даҽа қыҭа хәыҷык ахь хдәықәлеит. Ашьхатәи ачеченцәеи
Амзаҵлақәеи рыла иҭәыз аҩхаа ҳҭысны ҳцоит. Ақыҭақәа ӷаруп, аха ицқьоуп, аҩнқәа еиҳараӡак
ажәытә абаақәа рыԥҽыхақәа ирықәгылоуп. Абри ацивилизациа иацәыхараз ашьхақәа рҿы

ажәытәтәи абаақәа рыԥҽыхақәа ирықәынхоз ауаа рҿы избаз аамысҭашәареи, аҟазшьа бзиеи,
кавказаа мацара иаҳтәуп сҳәар, имыцхәцәахоит ҳәа сгәы иаанагом.
Итон Кале инаркны аӡиас Аргәын акәша-мыкәша иҟоу абаақәа ибзиаӡаны рыҭҵаара
аҭахуп, ҳара харантә ҳрыхәаԥшны ҳрывсны ҳцоит, арахь аҭоурых дуӡӡа ҳзышьҭоуп.
КЕИ
Уаха Кеи ақыҭаҿы ҳаҟоуп, араҟагьы 3-5 ҭӡы роуп инхо. Кавказ ашьхақәа рҿы иҟоу арҭ
ақыҭа хәыҷқәа «Хәотр» (аур. б. «хәутор»-аред.) ҳәа ирышьҭоуп. Ари ажәа чечен ажәазу, урыс
ажәазу сзеилымкааит.
12-ҩык аишьцәа ахьынхоз Метаа рҭаацәарары ҳаҟан. Ашьхаруаа ахшара рацәа
аганахьала иааџьоушьаратәы иҟоуп! Аишьцәа реиҳабы иарбан аамҭоу ара анхара шәаналагаз
ҳәа саниазҵаа, иабдуцәа Екатеринодарнтәи, Ставрополынтәи ишааз сзеиҭеиҳәеит. Сцаны
игәасҭеит, иахьа ҳахьынхоз ақыҭа азааигәара иҟаз баак. 20 метра раҟара иҳаракыз ари абаа
аҭоурых иазкны аӡәгьы акгьы издыруам. Сгәанала, ари аҭыԥ абжьаратәи ашәышықәсқәа рзы
ауаа ахьынхоз аҭыԥқәа ируакын. Ааигәа-сигәа иҵегьы абаақәа гылан, аха сцаны рбара
сахьымӡеит.
Кавказ ашьхақәа рҿы раԥхьаӡа акәны аҳәса абриаҟара ҳаҭыр рықәны абраҟоуп
иахьызбаз. Дарӷьысҭан аума, Чечентәыла аума аҳәса ирыхәҭоу аҳаҭыр рыманы изымбацызт.
ЛАҴАРА 22,1920 Ш.
Амҩа ҳақәлароуп, аха ҳабацои? Акгьы ҳаздыруам. Сара иҟалалакгьы Аингәшцәеи,
Калафаицәеи, Аҟабардақәеи ртәылақәа срылсны Ашәуаа рҟынтә Аԥсныҟа ацара сҭахуп. Аха
Беркок Беи ихсаала днахәаԥшны Кубантәи аҭагылазаашьагьы дназхәыцны, уи шыҟамлоз
саҳәара даҿуп.
Ашьҭахь Беркок дышиашаз саргьы иеилыскааит. Избанзар Азиз Беи данҳахьӡа Кубани
Тереки рганары хыла-гәыла ишеилаҩынтыз атәы ҳаиҳәеит. Ушьҭа иарбан ганыз ҳахьцашаз?
Алашьцараҿы зымҩа зцәыӡыз ҳаиҩызоуп.
ЛАҴАРА 23, 1920 Ш. АМҼЫША.
ИАЛҲАРВИ
Иалҳарви ҳаҟоуп, ашьха шлақәа ршьапаҿы ишьҭаз қыҭа хәыҷык ауп ари! Абри аҩыза
ашьхақәа рҿы игылаз абаашқәа ауаҩы ихәажьы еиланаргылоит! Ҳабдуцәа рыцҳақәа!..
Арҭ абаақәа, ишысҳәахьоу еиԥш, иахьа ҩныс рхы иадырхәоит. Абарҭ реиԥш агәыцқьареи
ахымҩаԥгашьа бзиеи змаз ауаа даара имаҷны иуԥылоит.
Ихәхәаза ирхаз рхылԥарчқәеи, зганқәа ҭбааза иҟаз рхылԥақәа рыҵака ицырцыруа, амца
рыцроушәа иухәаԥшуаз рыблақәа уанынарҭаԥшлак уцәа уҭаӡыӡаауан. Уаа ҭынчқәан, уаа
ҭышәынтәалақәан, рысасдкыларагьы ҳәаа амамызт.
Абри аҩыза амилаҭ цқьа, ажәлар гәымшәа, ртәыртәыр ҟалозма? Абас иҟаз ауаа аурысқәа
рнапаҿы иаанҳажьуазма?
Ма адинхаҵара разнеишьа шԥацқьаз, ишԥаманшәалаз, ари аҩыза азнеишьа наша
ԥсылман ҳәынҭқаррак аҿы иуԥылараны иҟаӡам. Шаҟантә сақәшәахьаз, амҩан ҳашцоз анамаз
акра аамҭа анааилаак, аруаа ишрыхәҭаз ала рыҽқәа иаарықәҵны, иаразнак иааркьаҿны
рнамаз кны, игәырӷьаҵәа, еиҭа рыҽқәа инарықәтәаны ашәа еицҳәо рымҩа ианылон. Ари
шымҩаԥысуаз иахьагьы сыбла ихгылоуп. Арҭ ашәақәа зны-зынла адин ашәақәоуп, аха
еиҳаракгьы аибашьреи афырхаҵареи ирызкуп. Амҩа ианықәыз иааисаны, акы инақәкны,
икылкааны ахысра иналагон, еиҳарак 10 рҟынтә ианақәдыршәоз ҟалон. Мышкы, арҭ руаӡәы
аҭырқәа шәақьқәа кырӡа ирҽхәеит, насгьы ари ашәақь зегьы ишреиӷьыз агәра ҳиргарц азы

500 метраҟа набжьаны ҳәынҵәраԥшьк иаҟараз ҵыс хәыҷык деихсит. Ҳара, абас харантәи
усгьы изақәыршәазом ҳҳәан хырҩагьы аҳамҭаӡеит, аха аҵыс ыкаӡамшәа инықәицқьааит.
Ачечен арԥыс ҳара рацәак агәра шаҳзымгаз ангәеиҭа, иҽы дҩақәҵны, акәара дааҭысын, аҵыс
ахьықәтәаз аҭыԥ аҿы днеит. Нас, длакәны ак аашьҭихын, дхынҳәит. Ҳааигәара данааи, ицқьа
иқәиҵаз аҵыс инапы ианын. «Уыххьандаз» (аферым) ҳәа иаҳамҳәар ҟалозма. Апоет Нефи абри
ибазҭгьы ажәеинраала бзиак иҩрын.
Иааркьаҿны иуҳәозар, кавказаа руаҩреи, рҟазшьа бзиеи, раамысҭашәареи убасҟак
иҳаракын, ацивилизациа иалаҽхәоз мчрақәак ааины абарҭ дырхәаԥсар ҳәа сшәон.
«Кавказ!.. Уҿаԥхьа гәыкала схырхәоит, уара узыԥсо ззымдыруагьы ҿааҳәыра рмоуааит!»
Иахьа уажәраанӡа сзықәтәаз аҽы ушьҭа аарлаҳәа иныҟәоит. Ушьҭа сара иара
сырҳәазароуп. Мызкаахыс кьылак аџьықәреи амфаӡац аҟнытә ичмазаҩуп. Аԥсра аамҭа
иҭагылоуп. Анцәа иҟынтә ачеченцәа рыцхыраарала уажәазы аԥсы еиқәханы иҟоуп.
Ҳаԥхьаҟагьы сзықәгәыӷуаз сҽы, ахьычмазаҩхаз даараӡа ихьаазгоит. Сҩыза бзиа, сыԥсы
зыӷроу, иазыҟасҵари, исылшари аԥсы аиқәырхараз! Ачымазара зегьы зыхҟьаз азхара
ахьазымфоз азакәын. Сымаҭәахәқәа хәыҷы-мыҷқәак абазар аҟны иҭины исоуз 16.000 мааҭ ала
иазаасхәаз афатә ҩымш-хымшгьы иазымхеит, закәытә рыцҳароузеи!..
Аԥсҭазаара иунаҭо иеиҳау ԥышәа ыҟоума? Аханатә ирзымычҳакәа амҩабжара ҳааныжьны
ихынҳәыз ҳҩызцәа ирыхҟьаны иахьа сҽы афатә злаасхәаша сымамкәа сынхеит...
ЛАҴАРА 24,1920 Ш. АШӘАХЬА
Сҽы ашьапқәа еиҵыхны сҿаԥхьа иахьышьҭоу сгәалаҟазаара быжьнахуеит, мчыла
иргыланы, иаашьышьны акәадыр ақәысҵеит, насгьы аԥхьа сҩагылан Мереџьуиҟа амҩа
ҳаҳәлеит.
МЕРЏЬУИ
Қыҭа ԥшӡак ауп. Араанӡа ирҳәазо иаазгаз сҽы азхара крафап ҳәа иоусыжьит. Иаргьы
иаразнак аҳәра иналагеит. Аџьықәреи ԥыҭк сзыԥшаандаз...
Мереџьуи
ҳахьнеиз
ҳаргьы
ҳаԥсы
ҳшьоит,
ҳаҽқәагьы.
Назранынтәгьы,
Влаԥикавказынтәгьы ииашоу жәабжьк ҳауӡом. Ианаму ҳҩыза Ахмеҭ Иуҳа Владикавказҟа
дҳашьҭырц ҳазбеит. Ма ҳзеигәырӷьаша жәабжьк ҳзааигап, аха ари аамҭазы иҳаҳаз даҽа
ажәабжьк ҳгәалаҟазаара аабжьнахит.
Реиҳа ҳзықәгәӷуаз амҩа абольшеивкцәа иааныркылан, ицоз иаауаз иреихсны
иршьуазаап. Ауаԥсаагьы рабџьарқәа рымырхуан. Иага иуҳәан-сҳәазаргьы уаҩы игәы иахәаша
акакәӡам арҭ ажәабжьқәа.
Ишыҟалалакгьы, ахҭысқәа мчы дуӡӡак ҳаҿагыланы ҳабашьыртә еиԥш ҭагылазаашьак ахь
ҳкылыргеит. Шьҭа ахы ҭҟьеит. Аҟаԥшь мыждақәа иахьа изҿыз? Адәныҟатәи аусқәа зеиԥшраз?
Иҟазма адунеи аҿы аҭынчра? Кавказ иаҵанакуаз иарбан ҭыԥқәоу уажәы аҟаԥшьқәа рнапаҿы
иҟаз? Ажәакала, акгьы ҳаздыруамызт.
ЛАҴАРА 25,1920 Ш.
Ҵхыбжьон ҳаԥшәмеи ҳамҩаԥгаҩи абарҭ ажәабжьқәа ахьынӡиашаз ҭырҵаарц азы
Назранҟа идәықәлеит. Уа Ебубеқьири Азиз Беии ԥшааны, иҟоу еилкааны ихынҳәуеит.
Беркоки сареи ҳабжьара ҽеи ыҟам, ҳгәалаҟазаара бааԥсуп. Зны-зынла баша ажәақәа
еимакны ҳагәқәа нибархоит. Иара иахьагьы сара дсызгәааны шьыбжьон кримфаӡеит,
ахәыҷқәа дырҩызахеит. Анцәа иҟынтә, лассы ҳаинаалоит...
Ааԥынра иамоу аԥшӡарақәа зегь рыла аԥсабара зегьы арҩычеит. Сҿаԥхьа игылоу
ашьхақәа рықәцәқәа срыхәаԥшуеит, ари аԥшӡара ухнамхыр залшом!.. Ас ишыҟаз,

иаалырҟьаны аԥсабара аҽааԥсахит. Минуҭк аԥхьа ииаҵәҟаҟараӡа иҟаз ашьхақәа рҽааиҭаркит.
Сыблақәа рыгәра сызгомызт, аратәи аҳауа ус иҟазаап, сара иабаздыруаз. Ааԥынра агәҭа
аӡынра... Ари хазымҵо Кавказ днеир иблала ибап... Даӷьысҭан жәабран мзазы аҭагалара
сақәшәахьан, уажәгьы сахьыҟаз ақыҭаҿы аҟармаҵысқәа ааԥынра иеигәырӷьаны ашәа
анырҳәоз ҳҿаԥхьа ашьхақәа рҿы асы ауан, узхара иузбарымызт ари аџьашьахәы!...
ЛАҴАРА 26,1920 Ш.
Ааԥынроуп, аха аҳауа хьҭоуп. Ҳҩызцәа раара ҳазыԥшуп. Аҭаҭын аҟамзаарагьы
ҳаргәамҵуан, маҷк аҭаҭын анҳау иахьатәи амшгьы ааҳхаҳгеит. Х-ҭзык ахьыҟоу ақыҭаҿы 100ҩык инареиҳаны ауаа нхоит. Ҳара ҳахьынхо аҩнаҭаҿы мацара 24-ҩык ыҟоуп. Ашьхатә
Чеченцәа рхыԥхьазара аизырҳаразы ирымоу ари аҟазшьа бзиа уеилаҳаратәы иҟоуп.
Макьаназы даҽа ҩымш раҟара ара ҳаҟоуп. Ленин, Ар каԥшь акәым адунеи аҩсҭаацәа
еидкыланы даҽа аркгьы еиҿкааны иаҳзааишьҭыргьы хьаас иҳамамызт. Ҳаҩнаҟнытә 10 метрак
раҟара набжьаны аҩсҭаацәа ргәы ҭызҟьо бнарак ыкоуп. Ажәакала, Кавказ ауаҩы ишьапы
ахьықәымгылацыз бнарак аҿы ҳаҟоуп.
ЛАҴАРА 27,1920 Ш. АԤШЬАША
Иахьа ахәыҷқәа ҳрыцын. Аиашазы урҭ ҳгәы дмырҿыӷзеит. Ишҳацыхәмаруаз
иахдырҟьацәо иалагеит. Имаџьанахеит. Мчыла ҳаҽрымхны ҳуадахьы ҳаиасит, аха уаҟагьы
ируамызт. Ҳаԥшәма ҳаиԥыригарц азы иҳажәиҵазшәа акәын, иаҳҟәаҵуамызт. Ианаму,
саҳәызба хәыҷы ааҭызган, иааныскылаз асуннат шәзызуеит ҳәа санрышьҭала еибарыҩны
ицеит. Абасала ҳаргьы ҳааҭынчхеит.
Азхара ианыдыды аамышьҭахь, агәақьҳәа икыдҵәаны ақәаура иалагеит. Аԥҭа
еиқәаҵәақәа еишьҭагыланы ишаац иаауан, жәҩани-дгьыли иеилалазшәа иҟан.
Беркок Беи ихьаақәеи игәхьаагарақәеи анеилала ажәеинраала даҳзаԥхьо далагеит.
Кавказ аҭагылазаашьа еирьымхар ҳхьаақәа есааира ирыцлон.

ЛАҴАРА 28,1920 Ш. МЕРЏЬУИ
Мерџьуи ҳшыҟац ҳаҟоуп, акрыфареи, ацәареи рганахьала иаҳцәагхақәахьаз хаҳарҭәааит.
Аратәи аҳәсеи ахацәеи реизыҟазаашьа егьырҭ Кавказаа иреиԥшӡам, ус алеишәа, ақьабз
рылахәаҽны иҟаӡам. Аиашазы, арҭ дара-дара рыбзиеибабашьеи рхымҩаԥгашьеи Европатәи
ажәларқәа рҿгьы исымбацызт...
Ҳанааз амш инаркны есымша ақәа ауеит, ашьхақәа рахьгьы асы леиуеит, Уаанӡа ажәҩан
аҿы аԥҭақәа ҳрышьцылахьан, аха арантәигьы алада ҳаныԥшлак аԥҭақәа ҳбон. Убасҟак
иҳаракын ҳҭыԥ.
ЛАҴАРА 29,1920 Ш.
Еиҭа анаҟә хылеит! Акгьы ҳбарҭаӡам, џьара узеиҭаҵуам. Аҳаракыраҟынтә алада аҩхаақәа
рахь ҳаԥшлон, аха мышқәак раахыс 5 метрак ахьыбжьоу ҳаԥхьака акгьы ҳбаӡом.
Иахьа ҳара иҳамшуп, избанзар Азиз Беи дааит. Ебубеқьир дычмазаҩушәа ҟаҵаны
иабхәында Азиз дицҵаны дааишьҭит. Иҟаҳҵаша ҳалацәажәеит, ма ҳазегьы, ма ԥыҭҩык Қарҭҟа
ҳцар акәын.
Ҳԥарақәагьы нҵәоит, шьҭа ара ҳзаангылазом.

ЛАҴАРА 30,1920 Ш.
Еиҭа анаҟә, ақәа шаҳҳәоз аҳауа ҳахәеит. Иаха ԥыҭраамҭак ҳқьаадқәа ҳшырҿыз аамҭа
ҳхаҳгеит, аха акы уаназыԥшу аамҭагьы зынӡа иццакӡом.
Асааҭ хԥа рыбжазы Кеиҟа хдәықәлеит. Ҳазшаз Анцәа ҳаҽқәа амч риҭааит! Асааҭ быжьба
рыбжазы Иалҳарв ҳнеихьан. Ара аӡынра аазшәа акәын ишыҟаз. Иаразнак амца еиқәцаны
ҳакәшаны ҳнатәеит, аха иҳаҳаз жәабжьк аҵаа еиԥш ҳааимнадеит.
Сааҭки бжаки ныҟәара ахьыбжьаз ҳааигәара иҟаз қыҭак комисарс иамаз большевикк
ҳҭаркырц азы адҵа ҟаиҵазаап. Ҳаԥшәмагьы ари аҩыза ажәабжь аниаҳа ҳара ҳаҟараҵәкьа
ихьааигеит. Аха исасцәа аӷа ииҭарым ҳәа ҳааиқәгәыӷны уи аухагьы уа ҳаангылеит.
ЛАҴАРА 31,1920 Ш.
Иаха ҭынч иаҳхаагеит. Иацтәи ахьҭа иахьа асы ҳзаанагеит. Иахьабалак ишкәакәаза
иааҟалеит. Рашәарамза алагамҭазы иауз ари асы ҳара ҳзы қьафынак аҟара ихьшәашәан,
илахьеиқәҵаган. Амшқәа аатуеит ҳәа ҳашгәыӷуаз, иауз асы ҳгәыӷрақәагьы ааҳамнахит.
Ҳҩызцәа руаӡәы Кеика, даҽаӡәгьы Назранҟа иҳашьҭхьан, урҭ аныхынҳәлак иҟаҳцаша
ҳалацәажәоит.
Гәыкала иаҳҿаччоз Ҳамзет иҿы ҳсасуп. Ҳуада ԥхоуп, ҳафатә гьамапа иаҳфоит. Ари
ауаҩреи, асасдкылареи ахәыԥсас иамаз ажәа заҵәык акәын - «Анцәа илԥха шәымазааит»,уаҳа
акгьы...
Урҭ усгьы, Анцәа имаҵ руашәа иԥхьазаны ҳара ҳкынтә акгьы иазыԥшӡамызт. Мызқәак
раахыс аӷа иҿаԥхьа ашьа каҭәаны ҳзырыхьчозгьы уи азакәын.
Қарҭҟа ҳазлацаша амҩы аҵаа ықәуп. Рашәарамзатәи амра ҳазыԥшыроуп. Даҽа мҩакгьы
ыҟазаап, аха уи амҩа ашьхатәи ачеченцәа мацара ракәзаап издыруа... Ажәытә урҭ амҩақәа
Қарҭаа ианрықәлоз рхы иадырхәозаарын. Ҳаргьы уи амҩа алаҳхроуп, аха усҟан ҳаҽқәа
ҳазгазом. Ма џьара иаанҳажьроуп, мамзаргьы иаҳҭироуп. Аха арҭ аҽқәа ҳара ауаара
иҳарҭахьан азы икаҳҵаша ҳаздыруамызт. Иҭины ҳамцар ада ԥсыхәа ҳамаӡамызт. Ушьҭа аҽгьы
ҳамамкәа ари аҟара амҩа ҳазлацоз? Қарҭ ҳахьнеиуагьы иаҳԥеиԥшхо ҳаздыруамызт.
Иҳақәымҿиар Стамбулҟа хдәыҳәлар акәын, мамзар даеазнык ашьхаураа рахь анеира
ҳақәшәар ҳнаганы ҳакнарҳауан. Насгьы Кубани Аԥсни мбаӡакәа ахынҳәра! Аханатә амҩа
ҳанықәлоз хықәкы хадас исымаз сыуаажәлари, сашьцәеи рбареи, рҭагылазаашьа аилкаареи
акәымзи...
РАШӘАРА 1, 1920 Ш. ИАЛҲАРВИ
Иалҳарви ҳаҟоуп. Адырҩауха даҽа ҩнык аҿы ҳаԥҳьеит, ишҵасу еицш, уасак ҳазшьны
иаҳԥылеит.
Излеилыскааз ала, ашьхатәи ачеченцәа кәацла ҳарчахуеит, ас ҳцалар абна илоу
агыгшәыгқәа ҳарҩызахоит. Сара сжакьа дуи иҭбааза исшәыз суаԥеи рыла абрагьцәа
среиԥшын. Ашәарҭара ҳацәырхьчарц азы арҭ ауаа иҳадырбалаз аџьабаа ахә шьашьа амаӡам.
Асас ихьчара Кавказаа рҿы имилаҭ ҟазшьоуп.
Амра аарлаҳәа ианцәырҵ, ақыҭа аҩныҵҟа асы ӡыҭызаргьы макьана амҩақәа хҩоуп...
Кеика амҩа ҳақәлоит ҳәа ҳаӡбеит. Ҳаҽқәа ҩымш раахыс ахаҳәрақәа рыбжьара напык
азна ҳаскьынк ԥшааны ирзыфозар ҳәа иаҿын. Амҩаҿы ирфаша ак роундаз ҳәа схәыцуан. Аха
ҳамҩаԥгаҩцәа даҽа мышкы ҳаанхап рҳәан ҳцара ахыргеит.
Азиз Беии Беркок Беии иахьа Кавказ аԥеицш иазкны кырӡа иеицәажәеит. Убриаҟара
иаланагалеит, амҩақәа дырҿыцит, атунельқәа аадыртит, адәыӷба мҩақәа аус ддыруит.
Ажәакала, ихааӡа имҩаԥысуаз еицәажәарак сазыӡырҩит.

РАШӘАРА 2,1920 Ш.
ҲАБДУЦӘА РНЫШӘЫНҬРАҚӘА
Иахьагьы ҳлак-ҩакуа ҳгылоуп, хдәықәло ҳаангыло ҳаздыруам, избанзар Қеинтәгьы
Назрантәгьы жәабжьк ҳмоуӡац.
Иацтәи ҳныҟәара ашьҭахь ибзианы краҳфеит, ҳҭаҳәахаагьы ҳацәеит. 3 сааҭк раҟара
ныҟәара ашьҭахь ҳааигәара иҟаз ашьхахь ҳхалт. Уа раԥхьатәи ашәышықәсқәа раамҭазтәи
кавказаа ҳабдуцәа рыҩнқәеи рнышәынҭрақәеи ҳнеины иаҳбеит. Араҟа ирацәаны аҳаԥқәа
ыҟан, ашьхаҟынтә Теректәи агәаҩара бзиаӡаны иубарҭан аҟнытә ҳазхара иаабеит. Иара
ҳланарԥшыгала уаныԥшлаак анефт хыҵхырҭақәагьы убарҭан.
Ҵаҟа иаҳбаз аҳаԥқәа нышәынҭран, хыхьтәиқәагьы ҩныс рхы иадырхәозаарын,
анышәынҭрақәа рҿы абаҩқәа иеиқәыжьуп!
Ахыхьчара еиҳа иахьыманшәалаз азы аҳаракыраҿы иҟаз аҳаԥқәа нхарҭас иалырхуан. Арҭ
аҳаԥқәа рҟынтә аҭаацәарақәа ирызхаша алырхуан. Дара-дара злеиҭанеиааиуаз амҩақәа
уажәгьы иубарҭоуп.
Ҳабдуцәа шаҟа шықәса раԥхьа абра инхози, шаҟа рҽырҵәахуази аилкаара уадаҩын. Сара
стәала Иалҳарвии Кеии рҭыԥқәа аҭоурых иеиуеиԥшым аамҭақәа шаҳаҭра рзыруан. Арҭ
ақыҭақәа рыкәша-мыкәша аҳаԥқәа рыла иҭәуп. Ажәытә аамҭақәа рзы араҟа хыԥхьаӡара
рацәала ауаа шынхоз ҩашьомызт. Аҳаԥқәа рыбжьара кәара хәыҷқәакгьы иеиасуеит. Ари
аҭаҳараҿы ахыхьчарагьы маншәалан, аԥсҭазаашьагьы... Абыржәгьы х-аамҭак иртәыз аҳаԥқәа
убарҭоуп.
Ажәытәтәи аҳаԥқәа
Абжьаратәи ашәышықәсаз иҟаҵаз абаагәарақәа
Иахьатәи аҩнқәа, ахаҳәтә хыбрақәа.
Излеилыскааз ала, арҭ ауаа раԥхьаӡа аҳаԥқәа рҿы,нас абаагәарақәа рҿы инхон. Иахьагьы
арҭ абаақәа ма нхарҭа ҩныс, ма ныҳәарҭас ирыман. 30 метра раҟара аҳаракыра змаз арҭ
абаақәа нышәынҭрас рхы ишадырхәоз Уаанӡа исҳәахьан. Ихәхәаза иҟаз арҭ абаақәа
рықәцәқәа рыҟны инрыжьуан аԥсцәа, нас агыгшәыгқәа рцәа-ржьы анырфалак рыбаҩқәа алада
иҭаԥсон. Ари аҵас ааигәанза иҟазаарын.
Ари аҵас адунеи ауааԥсыра рҭоурых аҭҵааразы даара ҭыԥ бзиоуп. Абра иаҳбаз зыԥсы ҭоу
ҭоурых ҭыԥуп...
Ҳагәҿыӷьра ҳхаҳгарц азы ақыҭа аҩада хәык акалҭаҿы ҳтәаны амра аԥхарра ҳеаҳҭеит.
Ԥыҭк ашьҭахь ихааӡа ацәагьы ҳанҭанагалеит. Уахагьы даҽа ҩнык аҿы ҳанхараны ҳаҟоуп.
Излазбо ала, ақыҭауаа ҭаацәарак мацара уадаҩс ҳармоурц азы хаз-хазы ҳнарыԥхьон.
Ииашаҵәкьаны, ҳанааз аахыс Банду икәакәа ҳақәын. Есымша џьарак анхара ҳаргьы
ҳацәыԥхашьон азы уажәы ирӡбаз ҳгәы иахәеит.
РАШӘАРА 3,1920 Ш.
БЕНИАҲУ ҲАЏЬЫ
Уажәгьы Бениаҳу Ҳаџьы ҳәа аӡәы дцәырҵит. Ари ахәаџьа Кәунтоу Ҳаџьы ишьҭра ихыз аӡә
иакәын. Ари ауаҩи Қеитәи Пасуи рыбжьара аиӷара ыҟан. Пасу Қарҭынӡа ҳамҩаԥгара ихахьы
игахьан, арахь Бениҳу Ҳаџьы иаӷа мҩаԥгаҩыс дышьҭаҳхыр иагьшәарҭан ҳара ҳзы. Убри аҟнытә
ҳамҩаԥгаҩцәа Ҳаџьы иуаажәлар ирылҳаԥшаар акәзаарын. Ҳаџьы абас иҭахызаап!..
Аха Пасу, Ҳаџьы иуаа ҳрыццар иҭахзамызт. Иара ҳганы ахьӡ-аԥша игар иҭахын, ажәакала
«хыхь аԥаҵа, ҵака ажакьа» рымҳәо, абасҵәкьа ҳрыбжьаханы ҳаҟан.
Анцәа иҟнытә Пасу дмыргәаазакәа политикак ҟаҵаны даҳԥыраҳгеит. Ҳахәаԥшып
ҳахькылнаго. Иара Пасу ҳҭагылазаашьаҵәкьа идырыр Қарҭҟа ҳгара акәым ҳааигәарагьы
дааираны дыҟамызт!..

ГӘЫКАЛА АИЗЫҞАЗААШЬЕИ АЕШЬАРЕИ РЗЫ
ҬОУБА АУРА
Иахьа ҳлак-ҩакра аҵыхәтәа ԥҵәазшәа иҟоуп.
Бандуи, Ҳаизети, Умети Нхыҵ Кавказ ахақәиҭразы рхы иамеигӡакәа аус шыруша, ҳаргьы
ҳадҵақәа хьаҳәа-ԥаҳәада ишахаҵгыло ала, Аҟәырҟан рнапы аҳәҵаны ҭоуба руит. Аҭоуба
аамышьҭахь ҳгәыдибакылеит. Ашьхатә чеченцәа рыбжьара абарҭ рҩызцәа ауаа ахьҳадгылаз
ҳара ҳзы қәҿиарак иаҩызан. Абри аҩыза ақәҿиара хәыҷқәагьы ҳреигәырӷьаны ҳааԥсарақәа
ҳхашҭуан. Абас еицш агәадуреи иҳараку ауаҩреи змаз жәларык аӷа ихәура иҭагыломызт.
Назранынтә Ебубеқьир Ԥлиев иабхәында
ҩыџьа аҽцәа ицны даҳзааит, арҭгьы
ҳреигәырӷьеит. Уажәазы амҩа ақәларазы Бениҳу Ҳаџьы иҳациҵаз ҳамҩаԥгаҩцәа ҳарзыԥшуп.
Урҭ анааилак амҩа ҳақәлоит...
Ҳҩызцәа жәаҩык мазеиуп. Арҭ арԥарцәа- ахаҵа- ихаҵа афырхацәа рҟамақәа рыхәқәа
аанкыланы, рхы пату ақәҵаны ҳаԥхьа иахьтәоу сгәы еизҳауеит. Абарҭ рҩызцәа афырхацәа
рыцхыраара ҳара ҳзы милаҭ дҵаны мацара акәымкәа, ицшьоу динтә дҵангьы ҳаԥхьа ишьҭоуп.
Ебубеқир иабхәында Влаԥикавказтәи «Мал...?» иҟынтә абарҭ ажәабжьқәа ҳзааигеит:
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Кавказ иазку агәалашәарақәа - 6
  • Büleklär
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 1
    Süzlärneñ gomumi sanı 3470
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 2
    Süzlärneñ gomumi sanı 3484
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2044
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 3
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2128
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 4
    Süzlärneñ gomumi sanı 3498
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2157
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 5
    Süzlärneñ gomumi sanı 3417
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 6
    Süzlärneñ gomumi sanı 3434
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2170
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 7
    Süzlärneñ gomumi sanı 3416
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 8
    Süzlärneñ gomumi sanı 3465
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2220
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 9
    Süzlärneñ gomumi sanı 839
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 668
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.