Latin

Кавказ иазку агәалашәарақәа - 4

Süzlärneñ gomumi sanı 3498
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2157
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Шьыбжьон Беркок Беи аџьаамаҿы алаҳәара ҟаиҵеит. Ҳара ҳажәлар рхақәиҭра ада уаҳа
акгьы ҳшашьҭам даҽазныкгьы ираҳҳәеит. Ахаша имҩаԥысуаз аизара ду аҟынза
абольшевикцәа зыԥшуазма, иагьзҳақәлозма? Аха зегь дарароуп ауаҩреи агәымшәареи злоу
милаҭк ҳрысасуп. Уи азы ҳгәы ҭынчуп.
Азиз Беи иахьа шәҟәык ҳзааиҭиит. Излеиҳәоз ала, уаҩы гызмалк ахақәиҭра дашьҭоушәа
ҟаҵаны ажәлар дрылазаарын. Абольшевикцәа дырҿагыланы аусқәа мҩаԥигошәагьы
далагазаап. Ари ажәабжь ахы аҵыхәа макьана иеилырганы иҳаздыруамызт, аха уажәазы маҷк
иадамзаргьы абольшевикцәа ааникылар ҟалон. Арахь Азиз Мекергьы хьаас дҳаман азы,
ишәҟәы ааны избахә анҳаҳа ҳгәы ҳарҭынчит.
АИШӘАЧАРА
Шеих Ҳамза ихылҵшьҭраз, уи ихәаџьацәа иреиуаз Шеих Муҳаммед захьӡыз аӡәы ишыҟа
ааԥхьара ҳаиҭеит. Ведино абаа жәа минуҭк раҟара набжьаны, мргыларахьтәи аганахьала,
абнараҿы ҭыԥ ԥшӡак аҟны игылан аҩны. Аԥшәма иҷкәын аурыс ир рҿы аофицерс дыҟан. Ааигәа
ариаҟара иманшәалаз зегьрыла иеиқәшәаз ҩнык аҿы ҳнымхацызт. Аҩны апианино, аграмафон
зегьы ыҟан, урҭ рарҳәаразы агәалаҟазаара ҳамамызт акәымзар...
Ашеих иҷкәын усҟан уи аҟара ҳхы даҳзамырхәеит. Иаргьы уаҳа даанымгылаӡакәа аурысқәа
Ҭырқәтәылаҟа ианцоз дрыцны Стамбулҟа дцазаап. Мышкы Стамбул Беиоулу салаланы
сышнеиуаз даасҿаҳаит. Илахь еиқәын. Ҳаибадырит, насгьы иҩызцәеи иареи сҩыза Ферит Беи
Беиоглу-ҭеԥебашы имаз аресторан ахь ааԥхьара рысҭеит. Абас ала, иара зны аԥшәымаҵас
иҳақәиҵаз аҳаҭыр аҭак ҟасҵар сҭахын, ауха ҳаицәажәараҿы убас сеиҳәеит: «Шәсасны
шәанаҳҭааз ауха ҳаҩны аҵака игылаз аҳаԥшьақәа зегьы ҩыла иҭәын, ишԥасҭахыз убарҭ ргьама
шәсырбарц, аха шәара адин шәҽаҭаны шәыҟоуп ҳәа сгәы иаанагеит азы, шәыдгалара
сзымгәаӷьит». Ари ансаҳа сгәы снархьит! Усҟан ҩы бзиак ҳашԥазрыцҳаз, арахь иара ҳшьапы
аҵаҟа иҟазаарын!..

Шеих Муҳаммед рыцҳа абольшевикцәа анааи ашьҭахь изцәырҵыз ахьаа дагазаап. Арҭгьы
милаҭла иаварцәан. Ашьхаруаа рҿы есымша аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирыхҟьаны ихҵәоз ауаа
рацәан азы Кавказ амилаҭқәеи абызшәақәеи иеиларсын. Ас ицар кавказаа еилаҵәар,
милаҭкны иҟалар алшон.
ЛАҴАРАМЗА 4,1920. АҨАША.
Ахҭысқәа аус ду ахь ҳкылыргеит. Милаҭк ршьапы иқәыргыланы ареволиуциахь рнагара
ҳаҿуп. Ҳапропаганда алҵшәа бзиақәа ҟанаҵеит. Уаҵәы Сунтери азааигәара иҟоу Каиыш Курт
ахәы аҟны ажәлар зегьы еизаны аҵыхәтәантәи ражәа рҳәоит. Андицәа, Аварцәа, Акумукцәа,
Акалфаицәа, Аингушцәа уҳәа рҟынтә иаауаз аделегатцәа ари аизара қәҿиарала имҩаԥысраны
ишыҟоу ала агәыӷра ҳарҭон. Абри аизара Азиз Беигьы дзахьӡандаз, уи Кавказ иазку идырра,
Кавказаа рҟазшьа, рлеишәа, ркәыӷара уҳәа ирызку иԥышәа зегьы раасҭа ианаҳҭахыз аамҭа
ҳҭагылан. Абыржәыҵәкьа ҳааигәара иҟамзаара ҳара ҳзы цәыз дун. Исмаил Беркок иакәзар,
Актәи ауднеитә еибашьра ашьҭахь аԥсеивгаха имоукәа арахь данааи акыр дааԥсахьан. Убри
азы дангәамҵуа, дзызгәамҵуа узымԥыруа дҟалахьан, аха ҳнапы злакыз аус ԥшьа аҳаҭыр азы
иҳачҳауан. Аиашазы, Азиз Беи иаара дагхеит, саргьы сычмазаҩхо салагеит.
Ауаара иҳарҭаз ҳҽы рыцҳақәа ҩажәамш раԥхьа аӷьараҳәа ишыҟазгьы, иахьа ала маҟақәа
иреиԥшхеит, аарла иҳаԥшаауаз аҭәа мацарала иабанза рзычҳарыз. Зны-зынла аџьықәреи
мгьалк анҳаулак ҳаҽқәеи ҳареи еицеиҩаҳшон. Мышкызны иҳалшар, урҭ рџьабаагьы
ҳхаҳмыршҭыроуп... Аизара ду аҿы Беркок Беи иҟаиҵаз ажәахә шьыбжьонынӡа ачечен
бызшәахь иеиҭаганы ҳалгароуп. Аха ицо-иаауа ауаа убысҟак ирацәоуп, аус уха ҳарҭом. Арахь,
ҳаиҭагаҩы аамҭа кьаҿк Ҭырқәтәыла иҟаз аӡә иакәын азы иҭырқәшәа ԥсыҽын. Ус анакәха,
аиҭага ишахәҭаз амҩаԥагара уадаҩын.
Ачечен бызшәа аиндиааи, аварқәеи, даӷьысҭанааи рыбызшәақәа раасҭа иманшәалоу
бызшәоуп. Ианцәажәоз сахьырзыӡыроуазгьы игәасҭон, ахәдала иуҳәо ашьҭыбжьқәа зынӡа
иуԥымлошәа иҟан.
Ахәылбыҽха ҳусқәа ҳанрылга, абаагәара аанҳажьит. Аизара мҩаԥысраны иахьыҟоу
Сунҭери ақыҭа азааигәара ҳцоит. Лаҵарамзоуп, ихьшәашәароуп. Ашьшьыҳәа иқәарԥссоит.
Уаҵәы амш бзиахарц азы анцәа ҳиҳәоит.
ЛАҴАРА 5,1920 ш.
Сунҭери ақыҭаҿы хәаџьак иҩны ҳанхоит. Ҳзыцәшәоз агьыҟалеит. Икыдҵәаны иауаз ақәа
иахҟьаны аизара ахаҳгар акәхеит. Беркок Беи деилаганы дыкоуп!.. Ақыҭауаа рҟынтә ҳбара
иааиуа ауаа маҷзоуп, аха зҿы ҳанхо ахәаџьа зажәа акраанаго аӡә иоуп. Кырӡагьы дышбеиаз
убарҭоуп. Ҳара Ведино ҳаналҵ ауха абольшевикцәа абаа рнапаҿы ишааргаз атәы ақыҭаҿы
зегьы ирылаҩхьан. Абольшевикцәа ажәлари дареи еиҿамгыларазы ҳара ҳцара ишазыԥшыз
ҩашьомызт.
«Аизара ҟалаанӡа мышкы шагу Сунтерика шәцар еиӷьуп ҳәа зыгәра ҳгоз ауаа
иҳабжьыргеит» сҳәеит, аха Беркок Беи имаҳазшәа ҟаиҵеит аҟнытә ажәа еимаҳкит. Аҵыхәтәан,
Кәусигьы сара исҳәаз данаԥгыла Беркок Беи аарлаҳәа Сунтерика ҳцара дақәшашаҳҭхеит.
Беркок аизара ҟалараны иахьыҟаз аҭыԥахь ҳашиашоу ҳцароуп, иаԥсам ҳәа иԥхьаӡон ҳҭыԥ
аиҭакра. Ашәарҭара иҟоу ҳзырдырыз арԥыс иажәагьы агәра изгомызт, анцәа иҟынтә,
аҵыхәтәан, Кәусигьы данацла абаа аанҳажьит. Уи ауха уа ҳаанхар, абольшевикцәа ҳҭаркырц
иалагар ҳаԥшәмацәагьы рҿагыланы ирабашьыр акәхон, ҳахькылнагозгьы ҳаздыруамызт. Дара,
абольшевикцәа ргәы иҭаз зегьы ирдыруазаарын, ус ишыҟазгьы ҳара абаагәара ҳҭымҵыр
ҳауаажәлар рҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩхон.
Ашьҭахь, Кәуси абольшевикцәа раамҭа анааи, маҵура дук ширҭаз адырра соуит!...

Абольшевикцәа Ведино рнапаҿы ианаарга нахыс, Сунтери инхоз ауаа аизара ду
шҳадмырҟаҵоз, иаҭаххар, бџьарлагьы ишаҳҿагыло рҳәо ианалага, ҳҭагылазаашьа уадаҩхеит.
Ҳаԥшәмагьы иҟаиҵара издыруамызт, уажәы аизарахь иааз аделегатцәеи Сунтериааи
еиҿаҳажьыр калозма?
Абри цәгьарак ахылымҵырц азы ҳгәы ҳнархьзаргьы, Сунтери ақыҭа аанҳажьырц аныҳаӡба,
ҳаҽқәа дырмазеит. Ведино еиԥш арантәигьы ҳаԥхарҵеит. Зегьы раасҭа ҳзықәгәӷқуаз аизара
ҟамлар ҳџьабаа зегьы башахон. Ажәларгьы ҳагәрагара рцәыӡуан. Даргьы иага ахақәиҭра
рҭахызаргьы абольшевикцәа ирыцәшәон, ҳара ҳакәзар дара рхаҭақәа рыда мчы ҳамамызт.
Абас ҳхәыцуа ҳаҽқәа ҳрықәтәарц ҳашнеиуаз ақыҭа аԥхьагылаҩцәа ируаӡәкыз «Ш...» иҟынтә
маӡала еицәажәарак азы ааԥхьара ҳауит. Ҳаԥшәма иакәын ари ажәабжь ҳзаазгаз, иаразнак
ҳхынҳәны ҳахьынхоз ҳааит. Иҳацәажәоз ауаҩы ихьыӡ маӡазарц ахьиҭаххаз азы «Ш...» ҳәа
ианысҵахьан, иахьазы уаҳа акгьы сгәалашәом. Абольшевикцәа адырра роур ҳәа дшәаны зегьы
маӡала имҩаԥигон.
Ауха зыӡбахә сҳәаз ауаҩы ишҟа ҳцеит. Ҳаиҭагаҩ ицхыраарала имҩаԥысыз аицәажәараҿы
иара ихаҭа абольшевикцәа хаҭарнакс дышрымазгьы еилаҳкааит.
Имӡаӡакәа «сара сагьбеиам, сагьаамысҭам, ажәлар ирылҵыз соуп, убри аҟнытә ажәлар
ирықәымчуа сраӷоуп» иҳәон. Ҳаргьы хазы ҳшымхәыцуа, акызаҵәык, ҳажәлар атәымуаа
напхгара рзырымуа, рхы иақәиҭны, дара рхала рхы ныҟәырго икаларц шаҳҭахыз иаҳҳәеит.
Ипатриотреи игәымшәареи агәра ҳго ианыҟала, ҳаинаало ҳалагеит. Аизара иаҿагыло
шааникыло ала ажәа ҳаиҭеит, аха Нхыҵ Кавказтәи Ареспублика анаԥҵахалаак иџьабаа ахә
шаҳшәо ала иҩыны ажәа иаҳҭарцгьы иҭаххеит. Иаразнак ииҭахыз ақьаад Исмаил Ҳаққы
Ԥашьеи сареи ҳнапы анҵаны иниаҳҭеит. Абасала, абольшевикцәа зықәгәыӷуаз, хаҭарнакс
ирымаз аӡәы ҳара ҳганахь диаҳгахьан. Уи аамҭазы хысбыжьқәак ҳаҳаит. Адгьыл еимаҟны ҩчечен қыҭак еиҿахысуазаарын, «хьаас иҟашәымҵан» рҳәеит, аха уажәазы ари аҩыза
аиҿахысра абаҳҭахыз аизара ду аламҭалазы. «Ш» ила иҟахҵаз аицәажәара Ҳаԥшәма Али
Мутаиф даараӡа игәы иахәеит. Мутаиф, Шеих Мансур дихылҵшьҭроуп. Кавказтәи ахәаџьацәа
зегь реицш уигьы араԥ бызшәала ацәажәареи аҩреи идыруеит. Иара араԥ бызшәа Даӷьысҭани
Чечентәылеи даара ахархәара амоуп, ҩнаҭацыԥхьаӡа аҟәырҟан бызшәа здыруа аӡәы-ҩыџьа
уԥылоит.
Али Мутаифгьы аҭыԥ иашьҭоу аӡә иоуп. Кавказтәи ареспубликаҿы ашеиҳәулисламра
(аԥсылманцәа реиҳабыра) аҭыԥ дазхәыцуеит. Ҳаргьы ари анҳаиҳәа, мап мкыкәа
дақәҳаргәыӷит. Абас ианаҭаххалак, зегьы ажәақәа раҳҭалон аҟнытә иахьа ажәытәтәи аурыс
ԥарақәа реиԥш, ҳара ҳнапы зҵаҩу ақьаадқәагьы Кавказаа рнапаҿы инханы иҟоуп. Урҭ уи
ақьаадқәа иахьагьы ҳаҭырла ишырыхьчо агәра згоит.
ЛАҴАРА 6, 1920 Ш.
Ааԥынтәи амра каххаа бырлашҵас Кавказ ашьхақәеи аҩхаақәеи ирныҷҷалон. Асааҭ жәаба
реиԥш аделегатцәа «аҭоурыхтә хәы» ашҟа ахалара иалагеит. Амра аҽыуаҩцәа иршәыз
рымаҭәақәа ирықәыҷҷо, рҽымаҭәақәа арцырцыруа убла хызкуа, угәы шьҭызхуа ҭагылазаашьак
аԥнаҵон. Иахдырбаз рҽыбгаҟазара ҳгәы шьҭнахит, ҳгәыӷрақәа ирыцырҵеит. Уи амш схаан
исхашҭуам. Шәҩыла ауаа кәымжәы-кабала иеилаҳәаны, рхы пату ақәцо, ашьшьыҳәа ахәы
ашҟа ахалара иаҿын. Закәытә разҟузеи абри абара! Асааҭ 12 реиԥш ҽы уаҩык харантә
дыццакуа дшааиуаз гәаҳҭеит, раԥхьа аделегатцәа дреиуаз џьаҳшьеит, аха чечен ҷкәынак
иакәын. Иҽы дақәцын, иԥсыԥ изеивымго, дыҩауа дааины дааҳадгылт. Маҷк иԥсы анааиҭеик,
абольшевикцәа бџьарла иеиқәных арахь ишаауа, аизара еимырпны, ҳаргьы ҳҭакра хықәкыс
ишрымоу ҳаиҳәеит. Раԥхьаӡатәи аҿымҭра ашьҭахь аҩхаа зегьы бжьык нықәҩит. Иаразнак
ашәақьқәа ааиҵаҵаны Уаанӡа идырмазеиз ахырҭәҭәарҭақәа ааныркылеит. Ԥыҭҩыкгьы рыҽқәа

инарықәтәан иаауаз ирԥыларазы рҿынархеит. Иџьоушьаша, зегьы харантә иааз ауаа
шракәузгьы, ԥызак напхгара риҭошәа иеиҿкааны рхы мҩаԥыргон. Ҳаргьы иҳакәшаны
ҳахьчара иалагеит. Ҳара аибашьра ҳалагаргьы ҟаломызт, иааныжьны ҳхынҳәыргьы... Шәарак
камҵаӡакәа иҟалаша ҳазыԥшыр акәын. Ӷәӷәала шьакаҭәарак ахықә ҳашықәгылаз убартә иҟан.
Ҳара ҳаилацәажәонаҵы абольшевикцәа рыр егьи ахәы иаақәгылеит. «Ш...» ҩыџьа аруаа
аашьҭыхны, иара дааиаанӡа аӡәгьы дымхысырцгьы адҵа ҟаҵаны, дара рганахь дыццакит.
Ҳахькылнаго ҳзымдыруа, жәларык еибашьрак иалаҳажьуазма? Арратә еиҿкаара змам ажәлар,
иеиҿкаау аруаа ирҿагыланы ирылшарыз? Аиашазы, ҳара абольшевикцәа цқьа иҭҵааны
ишҳамамыз еиԥшҵәкьа, зегь раасҭа ҳзықәгәыруаз ачеченцәагьы еилкааны иҳамамызт.
Ахҭысқәа ҳрыманы ацара иаҿын. Абольшевикцәа «Ш...» ибзианы иԥылеит, аизара
аҽалархәразы Москвантәи адҵа шроуз, иакәым ргәы ишҭам, аруаагьы аизарахь инамгакәа
аҩхааҿы ишааныркыло, ҩыџьа аделегатцәа нашьҭны ажәлар ргәаанагара раҳарц шырҭахыз
иарҳәеит.
Асааҭ хԥа реицш аделегатцәа зегьы аҭыԥқәа рҿы инеихьан. Бџьарла иеибыҭаз ажәларгьы
гьежьны иахьгылашаз иҩагылеит. Абольшевикцәеи ҳареи ҳаиҭагаҩцәагьы ҳаманы, рыгәҭа
ҳаагылеит. Ажәлар рҿаԥхьа иаартны цәажәарак мҩаԥысраны иҟан. Абольшевикцәа
излазгәарҭаз ала, ажәлар макьаназы рхала рхы ныкәыргартә иҟамызт. Ҳара ҳакәзар, зынӡа
даеакала ҳазхәыцуан. Ажәакала, аҩганкгьы ажәлар ргәаанагара рыԥсахырц аус ҳур акәын.
Ҳара, ахақәиҭрала ажәлар ҭынч ԥсҭазаара шроууаз, абольшевикцәа ракәзар, абольшевик
напхгара анапаҵака иҟалар еиҳа ишырзеиӷьыз раҳҳәеит... Ажәларгьы, аҵыхәтәан еиҳа
ирҭахыз алырхуан. Ҳаԥшҩыкгьы инеимда-ааимдо, ҳаҭырла, ҳгәаанагарақәа шеибаҳҳәоз,
ажәлар ҳара ҳтәахьы ишиасуаз збаз абольшевикцәа рделегатк «Шәара Стамбул ачаи
аныжәжәуаз ҳара ара ареволиуциазы ашьа каҳҭәон, шәарҭ ажәлар рус алаԥалара азинс
ишәымои?» ҳәа ҿааиҭит.
Аимак ӷәӷәахеит. Ҳара аимпериализм аполитика ҳахҟьаны ахҵәара шҳақәшәаз, аха
амҳаџырра ҳаԥсадгьыл шаҳханамыршҭыз, Кавказ иҟоу ҳашьцәеи ҳареи шьалагьы, динлагьы
ҳшеишьцәоу, аӡәы шҳакәу анаҳҳәа, ажәлар зегьы агәырқьҳәа рыбжьы дыргеит, «уаҳа
ацәажәара иаԥсаӡам, ажәлар ахақәиҭра рҭахуп» ҳәа. Ушьҭа аиааира ҳара иаҳтәын,
абольшевикцәа рделегатцәа ажәлар ирыӡбаз, ирыдыркылаз шеилыркааз, насгьы Москваҟа
адырра шрырҭаша ҳәаны ицеит.
Абольшевикцәа рделегат данцашаз «ҳгәы каҳаит, ауаа аныҳәа азгәарҭоит, ҳара аџьабара
ҳақәшәеит» ҳәа ҳаиҭагаҩы иеиҳәазаап. Ииашаҵәҟьаны ҳара ҳзы ныҳәа дуун. Аделегатцәа
рҿаԥхьа ажәлар ахақәиҭразы аҭоуба шьҭарҵеит. Исмаил Беркок иажәалагалала иҟаҵаз ари
аҭоуба анышьҭарҵоз, ажәлар рыбжьы ашьхақәа ирныҩуан. Уи аамҭазы жәлар реизара
алахәылацәагьы алхын. Аизарахь иалхыз ауаа аӡәаӡәала Беркок Беи иаԥхьа иқәыз аҳәеи,
аҟамеи, ашәақьи, аҟәырҟани рнапы нарықәҵаны ҭоуба руит. Изласгәалашәо ала, ҭоуба
аныруаз ирҳәоз абарҭ ажәақәа ракәын: «Сыԥсҭазаареи, схақәиҭреи, сдини, сыламыси
рыхьчаразы, шықәсыла ашьа каҭәо иааиуа сыжәлар иахьарнахыс зхы иақәиҭу аԥсылман
республикаҿы инхарц азы, схи смапи сырмеигӡакәа аус шызуа ала, Аллаҳ иҟәырҟан снапы
ақәҵаны сқәуеит. Иара сҭоуба шеилазымго арҵабыргразгьы ажәлар рҿацхьа сҭоуба напы
аҵазҩуеит».
АҬОУБА
Ҭоуба аныруаз зегьы, раԥхьа иқәуан, нас рыхьыӡ ахьаныз аҿацхьа рнапы аҵарҩуан. Ари
апатриотизми адини ирхылҿиаауаз аҭоубаура иалахәыз абольшевик делегатцәа ашьшьыҳәа
иқәҵны ицеит. Ажәларгьы ашьшьыҳәа аимлысра иаҿын. Ачеченцәа абольшевикцәа раԥхьа
рыҽқәа ырхәмарны маҷк рыгәгьы ндырхеит, аха абольшевикцәа уи ақәҿырымҭыкәа,

ашьшьыҳәа ихынҳәны иахьааз ицеит. Амапа уи аҽны нахыс иаартны иҳабашьырц рыӡбеит.
«Шьҭа ахы ҭҟьахьан! Иаразнак, ҳҽааидкыланы уаҩҵас ар еиҿаҳкаар акәын». Абольшевикцәа
аанымгылакәа ҳақәгаразы иаарылшо зегьы шыҟарҵо убартә иҟан. Иахьатәи рҿымҭра
аамҭалатәын, ас наунагӡа ицарымызт.
ЛАҴАРА 7,1920 Ш. АХӘАША.
Жәлар реизара ауха еизарак мҩаԥыргеит, абольшевикцәа Ведино абаа ҭадырцәырц азы
ааԥхьара рырҭарц рыӡбеит. Ари даараӡа ихьанҭаз усын, иаҳҳәап, мап ркыр иҟахҵоз? Макьана
ҳарҽеишәа иеиҿкаамызт. Насгьы абольшевикцәа ачеченцәа реиԥш рлеишәа цәгьамызт, еиҳа
ачҳара рыман.
Ҽнак, Сунтери аанҳажьыр ҳҭаххеит. Избанзар ачечен жәлари жәлар реизареи ирыӡбаз
Бақәеи Қарҭи иҟаз атәым ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа идырдыртәын аҟнытә еиҳа
иахьыԥхьакыз ҭыԥк аҿы ҭынч аус утәын. Жәлар Реизара алахәылацәагьы Дарга ақыҭахь ҳцар
еиӷьуп ҳәа ҳарҳәеит. Избанзар Сунтери ақыҭа алхратә еизара ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ азааигәара
ада уаҳа ҵакы амамызт, насгьы урҭ раԥхьаӡа ишаҳԥылазгьы ҳхамышҭыцызт. Усҟангьы «Ш...»
иаҳаҭыр ҳааннакылеит акәымзар, ақыҭа иаразнак ааныжьра ҳаӡбахьан... Уи иахҟьаны уажәы
жәлар реизарагьы Сунтери иаанҳажьырц азы ирыӡбаз аҵак ду аман.
Абра ианысҵоит лаҵара 6, 1920 ш. аԥшьаша аҽны, ачечен жәлар рхақәиҭразы Каиыш Курт
ахәаҟны имҩаԥысыз аизараҿы жәлар реизарахь иалхыз алахәылацәа рыхьӡқәа:

Грозныи Урукынтәи
12345-

Висал Ҳаџьы Вин Гумҭа Ҳаџьы
Геде Вин Жече
Мешка Вин Оме
Дече Вин Насуҳа
Абудлҳалим Вин Туҳа

Мерта ақыҭа аҟынтә
Вулерик ақыҭа аҟнытә
Итокаллы ақыҭа аҟнытә
Мертан ақыҭа аҟнытә
Шктуаиақыҭааҟнытә

Виԥан Урук аҟнытә
12345-

Дичелҳан БинГини
Рсмани Бин Беранкҭе
Иусуф Бин Мусҳан
Ислам Бин Ҳени
Гаиш Бин Қиаҳа

Гьиуна ақыҭа аҟнытә
Евҭери ақыҭа аҟнытә
Шали ақыҭа аҟнытә
Зунтере Ҳаҭиԥ шеци ақыҭа аҟнытә
Дишни Видан ақыҭа аҟнытә

Ҳасоф Иурҭ аҟнытә
12345-

Месҳап бин Еҭу
Абулваҳаԥ бин Ҭуҳарев
Гафи Ҳаџьы Бин Талҳа
Исмаил Бин абеи:
Меџьит Бин Гамберҭе:

Гачелка ақыҭа аҟынтә
Зенԥека ақыҭа аҟнытә
Бине ақыҭа аҟнытә
Буниеҭул ақыҭа аҟнытә
Теџьиурҭ ақыҭа аҟны

Жәлар реизара иалырхыз гәыԥк, абольшевикцәа Ведино аанрыжьырц азы рацәажәара
ицеит. Уи аҟынтә аӷас ҳшышьҭырхуаз хдыруан азы Сунтери иаарласны ҳалҵыр акәын.
ДАРГА
Ҳара ҳзы Дарга ақыҭа еиӷьхоит ҳәа ҳарҳәахьан. Ақыҭа алада Даӷьысҭан аҳәаа иавоуп.
Ара ашьхақәа ӡынгьы-ԥхынгьы асы рықәжьуп. Ари Шамил дахьрабашьуаз аҭыԥқәа иреиуан,
аԥсабарагьы ахыхьчаразы иманшәалан. Узун Ҳаџьыгьы данааилахәалак арахь даауазаарын.
Ҳаргьы уажәазы аамҭа араҟа иаҳхаҳгар акәын. Иахьабалак ишыҟоу еиԥш, аратәи ажәларгьы
хәыҷла-дула рхы инаркны ршьапы аҟынӡа бџьарла иеибыҭоуп. Ҳаннеиз аҽны ахысра
аҽазыкаҵара иаҿын, иара уи ада уаҳа уск рымамызт, егьырҭ аусқәа зегьы усгьы аҳәса
рҟәаҟәа иқәжьын.
Ахәаша намаз ашьҭахь ажәлар «бзиала шәаабеит» ҳәа иҳазнеит, ақәҿиарақәа
ҳзеиӷьаршьеит. Абольшевикцәа иацтәи раҵахара ажәлар рыҟны иаразнак аус шауз убартә
иҟан.
АФЫРԤҲӘЫЗБА ҲОЛИМЕТ
Ҳолимет дчечен ҭыцҳауп, зыҩны ҳанхо ҳаԥшәма иаҳәшьа лоуп. Аказакцәеи дареи
реибашьраҿы иаалырԥшыз агәымшәара аиҭаҳәара уалагар романк иеиԥшхоит. Сара
иааркьаҿӡаны иеиҭасҳәоит.
Ҳолимет сасра дахьыҟаз ақыҭа аказакцәа ақәлазаап. Ргәы реанзамкәа ажәылара
зықәшәаз ачеченцәа иҭрысны, шьҭахьҟа ахьаҵра иалагошәа збаз Холимет, дахьынхоз аҩнаҿы
икнаҳаз ашәақь аашьҭыхны, ихьаҵуаз ачеченцәа раԥхьа дҩагыланы дреихсуа далагазаап. Ари
даараӡа ихьымӡӷызшьаз ачеченцәагьы рыҽқәа инарықәтәаны «ма ҳаиааироуп, ма
ҳаԥсыроуп...» ҳәа раӷацәа ирыжәлан, аиааирагьы ргазаап. Арҭқәа рышьҭахь аиааира ахьӡала
дызлахысуаз ашәақь Ҳолимет ҳамҭас илырҭеит. Ларгьы ари ашәақь лаб инышәынҭраҿы
икнаҳаны илыман. Ақыҭаҿы ҳаныҟаз ҳнеины лаб инышәынҭрагьы, лшәақьгьы ҳбеит.
ЛАҴАРА 8,1920 Ш. АСАБША.
Иахьа ара имаҷымкәа амаден хкқәа ҳзааргеит: ахьы, араӡны, абҩа уҳәа... идырӡыҭхьаз,
аха ираӡамкәа иҟаз. Аказакцәа ирымхыз ари амал уажәы инаганы аурысқәа ираҳҭозма?
Кавказаа рарԥарцәа, ринтеллигентцәа абри аус даара ҭакԥхықәрала иазнеиуеит.
Схьаақәа сдырчмазаҩит. Маҷк снықәиап сҳәан, суада ӷар акәакь еҿы алымт ахьыкәкәа
икҿагылаз ацәардаӷәы схы нықәысцеит. Аха минуҭкгьы мҵыцкәа сгылар акәхеит. Избанзар
Вединоҟа иҳашьҭыз аделегатцәа ааит ҳәа адырра ҟарҵеит. Ведино иҟаз абольшевикцәа
Москвантәи адҵа рмоукәа абаагәара ааныжьра шрылымшо атәы рарҳәазаап аделегатцәа.
Иара уи адагьы, Москвантәи азин ылымхкәа ажәлар реизара ду ахьымҩаԥысызгьы иашам ҳәа
ирыԥхьаӡозаап. Ари анҳаҳа уамашәа иаҳбеит. Ҳара ари аҩыза азин аӡәгьы имаҳхӡомызт, уи
азы хделегатцәа ргәы кармыжьырцгьы раҳҳәеит. Аиашазы, даргьы ирбақәаз раамышьҭахь
еиҳа агәыӷра роуит. Ведино иахьыҟаз ирбаз, ираҳаз ҳәа излацәажәоз акыр ҳарччеит. Иаҳҳәап,
абольшевикцәа рыруаа рабџьарқәа инадыркны рымаҭәақәа рҟынӡа иаарымоу зегьы, ма
кәтаӷьқәак, ма мгьалк азыҳәа ирыԥсахуазаап, рыҽқәа зҭииз аруаа рофицерцәа ианрацәҳа
урҭгьы «шәусс иалои, иацы ҳҽуааҩцәан, иахьа баша ҳаруаауп» ҳәа аҭак ҟарҵозаарын. Зшәақь
агәыцә ԥҟаны изыркьаҿыз «ушьҭа хара изхысӡом» ҳәа анрарҳәагьы, «акәзааит шьҭа еиҳа
иласхеит» рҳәон. Арҭ исаҳақәаз убас исгәаԥхеит, сагьдырччеит, счымазарагьы аасхашҭит.

ЛАҴАРА 9,1920 Ш.
Аизараҿы ажәлар Дарга иеизарц рыӡбеит, алахәылацәа рахьгьы ааԥхьарақәа рышьҭит.
Дарга инхо ауаагьы иарбанызаалак ацхырааразы рхы ишамеигӡо ҳарҳәеит. Рыԥсадгьыли
рхақәиҭрази ацхыраара аҟаҵара жәытә-натә аахыс иашьцылан. Ари аамҭазы ааигәа иҟаз ҩқыҭак адгьыл аимакра аганахьала ирыбжьаз аимак аҭыԥ ақәҵаразы уахь ацара ҳадыргалеит.
Ҳаргьы мап мкыкәа хдәықәлеит, аха анцәа иҟынтә, ҳара ҳнеиаанӡа ишеинаалаз ала адырра
анҳау ҳхынҳәит.
Араҟа Аҟәырҟан ашәақәа жәлар рашәеиԥш инарыгзоит. Егьыс аибашьра иазку жәлар
рашәақәагьы даараӡа игәыҭшьаагоуп, уанырзыӡырҩуа ирҳәо узеилымкаауазаргьы угәы
аҵанза инеиуеит. Абар, Шеих Шамили Узун Ҳаџьи реибашьратә ашәақәа зҳәоз даҽа Гәыԥк...
Арҭ ашәақәа ражәақәа еиҭаганы ианысҵарц сҭаххеит, аха исылымшеит. Уи даара сгәы
снархьуеит.
Уахык еиҭа сычмазаҩхеит. Зегьы рзы сгәамҵуеит, аха ари зыхҟьаз еилыскааит, ишаҳҭахыз
ҳаҽҳазрыцқьомызт.
ЛАҴАРА 10,1920 Ш.
Иахьа Жәлар реизара ииаҵәҟаҟараӡа ашьац ықәиааны иахьыҟаз шҭа ҭбаак аҿы аԥслыш
ҵлақәа рышәшьыраҿы имҩаԥысуан. Аизара Беркок Беи иажәахә ала иаатит. Кавказ
аҭагылазаашьеи, абеиарақәеи астратегиатә ҵаки, аиҳабыратә системеи, аибашьреи, ирызкны
имаз игәаанагара рыцеиҩишеит. Иара убас зегьы иаартны ргәы иаанагоз рҳәарц рыдигалеит.
Аизара асааҭ ԥшьбанӡа ицон, ашьхаруаа усгьы ацәажәара иазҟазоуп. Аурысқәа раамышьҭахь
еиҳабырада инхаз кавказаа зегь дарароуп ажәытәтәи рлеишәеи, рҵасқәеи рыла рхы
ныҟәыргон, азҵаарақәа зегьы рқьабзқәа инарықәныкәаны ирыӡбон. Арҭқәа анысҳәа Аҳмеҭ
Миҭҳаҭ Ефенԥи даасгәалашәеит, иԥсаҭа бзиахааит. Уи зегь раасҭа иеиӷьу аҳәынҭқарратә
система Кавказааи Ачерқесцәеи ирыман ҳәа иҩхьан, ииашаҵәҟьаны Кавказаа рыхныҟәгара
ареспубликатә система уамашәа иазааигәан. Акы заҵәык, Кавказаа рҿы аҳәынҭқарра
ареспублика ахада ихаҭыԥан абыргцәа напхгара азыруан.
Жәлар реизараҿы аицәажәарақәа рышьҭахь рхада далырхит, егьырҭ алахәылацәагьы
рдырра рԥышәа инақәыршәаны ар инадыркны анапхгара аҟынӡа имҩаԥгатәыз аусқәа хазхазы иршеит.
Ҳҿаԥхьа иҟоу ашьхақәа асы шрықәызгьы, ԥхарран. Ԥхынгәымза ҳҭагылаз џьушьарын,
убас ишоуран. Аҳауа бзиа ибжьысыз ҳнервқәа ишрыхәоз еиԥш, жәлар реизара
амҩаԥысшьагьы ҳгәы еизнарҳаит. Иахьатәи амш ҳара ҳзы ҭоурыхтә мшын, гәырӷьара мшын.
Иаҳбаз аџьабааи, ҳааԥсарақәеи ҳхашҭхьан. Ҳусурақәа иҳарҭаз алҵшәа, агәеизҳара зегьы
ирыԥсоуп. Амапа ҳгәырӷьара нҵыра амоуит, ахәылбыҽха ҳагентцәа абри аҩыза ажәабжь
ҳзааргеит.
Абольшевикцәа ҳакразы иҳашьҭаланы иаараны иҟазаарын! Ԥарала иаахәаны
иҳашьҭарҵаз ачарҳәаҩцәа рсиагьы ааганы иҳарҭеит. Арҭ ҳаршьырц адҵа рымазаарын. Ари
асиа Беркок иҿы инхеит ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар сара сышәҟәаҿы ианӡамызт. Есааира
ишәарҭахон аҟнытә ҳхы ҳахьчалар акәын. ҩымш-хымш рыла ҳҭыцԥ ҳаԥсахуан, аха ушьҭа
есуаха ҳалагеит. Ҳахьынхозгьы аӡәгьы издырӡомызт.
Арҭ ажәабжьқәа лассы-лассы иҳаҳауа ианалага, ҳгәы шьҭырхырц азакәхап, ҳҿаԥхьа иҟаз
адәаҿы имаҷымкәа ауаа еизаны инагылеит. Рыгәҭаҵәкьа аҳәа зкыз чеченк дгыланы ацәажәара
даҿын. Икәшаны игылаз ауаагьы рҭеқбирқәа (Аллаҳуакбар) Шеиҳ Шамил дахьеибашьуаз
аҩхаақәа ирҭаҩуан.
Уаха асааҭ 10 реиԥш ҳҭыԥ ааныжьны, ақыҭа агәахьы инхо хәаџьак иҩныка ҳцеит.
Иџьашьахәуп, аха егьырҭ атәылақәа рҿы иҿыцу шьаҿақәак аныҟарҵо раԥхьа иаҿагыло

ахәаџьацәеи, апапцәеи роуп. Кавказ ахәаџьацәа аиҭакрақәа рҿы зегь раԥхьа игылоуп. Ҳаргьы
зегь раасҭа ҳзыхьчаз, иҳадгылаз, насгьы ажәлар ахақәиҭразы иазыҟазҵазгьы дара ракәын. Ари
аус аҿы зегьы рышьҭахь игылаз аурыс культура ала иааӡаз ҳинтеллигентцәа ракәын!..
Ахәаџьа иҩны абнара илагылан, ари аҩны иазхәыцны иалхын, иаҭаххар, шәарҭарак ҟалар,
абна маншәалахап ҳәа иазхәыцзаап. Иҭацәу сыца шсыхьуагьы сзырччаз хҭыск
шәзеиҭасҳәоит... Беркок Беи убри аҟара деилахан, дзықәтәаз аҽы ихашҭит. Аҽқәа ырмазеины
ашҭа ианаақәла, ҳаргьы ҳнеины ҳнарықәтәеит. Убасҟан Беркок Беигьы, илашьцан,
иабагәеиҭоз, даҽа ҽык дақәтәазаап. Маҷк ҳанынаскьа «сҽы акалашәа избоит, скәадыргьы
рыԥсахызшәоуп ишыҟоу» ҳәа дыгәрымуа далагеит. Сизааигәаханы цқьа санрыхәаԥш, иҟалаз
еилыскааит. Аха кыр дмааԥсахьази, гәыбран злаисҭоз.
Вединонтәи ҳанаауаз сҽы иақәыз ҳамаҭәахәқәа зҭаз ашәыра Беркок Беи ианимуӡа уа
инсыжьит, ашьҭахь ари ашәыра сзааргеит, амала аҩныҵҟа иҭаз абжеиҳарак ыӡит аҟнытә
даараӡа сгәамҵит. Ҳара дара рзы хацәнмырха аусура ҳшаҿызгьы, ҳамаҭәахәқәаҵәкьа
изырхылаԥшуамызт. Ачеченцәа уԥсы рналы иануҵар, рыҽудыршьылон, рхы иамеигӡакәа
урыхьчон, аха умал рнапы иануҵар иахьца-иахьаа умбаӡакәа иааимырҵәон. Сара арҭқәа
ахьыздыруаз азы ҳахьцоз ҳахьаауаз сҽымаҭәа, скәадыр, уҳәа сырхылаԥшуан. Аха Беркок Беи
арҭқәа хьымӡӷишьон аҟнытә иҽы еилырххьан, акәадыр иамазгьы ақәырххьан, аӷәра акәзар,
ашаха иаҩызахеит.
ЛАҴАРА 11,1920 Ш.
Уахагьы даҽа ҩнык аҿы ҳаҟоуп. Шаанӡа лацәааихьшь ҟасымҵеит, арахь амлакра, агьирахь
ҳахьчаҩы Џьума ацәа дахьалаз «Лаилаҳе иллаллаҳ...» ҳәа дааҟәымҵӡакәа ибжьы гон. Ари ауаҩ
убриаҟара адин иҽаҭаны дыҟоуп, ҽынла акәым, уаха дахьыцәоугьы адин ажәақәа иҳәон.
Ашьыжь асааҭ 10 рзы ҳаргьы ҳалархәны жәлар реизара еиҭа имҩаԥган. Ари аизара
ашьҭахь Нхыҵ Кавказ ахьӡала Чечентәыла Дарга ақыҭаҿы аамҭала Ареспублика аиҳабыра
шаԥҵахаз атәы атәым ҳәынҭқаррақәа идҳардырразы ҳара цҳаражәҳәаҩ-делегатцәас
ҳалырхит. Абри аус анагӡаразы иахәҭоу адокументқәа ҳнапы аҵаҳҩырц азы азин шҳамоу
зыршаҳаҭуа араԥ бызшәала иҩу қьаадкгьы ырмазеины иҳаман, зегьы рнапы аҵарҩит.
Ауха ажьик ҳсасны ҳаиҭан. Уахагьы Дарга ақыҭаҿы ҳаҟоуп, аха хара имгакәа аригьы
ааныжьра ҳақәшәоит. Избанзар абольшевикцәа ҳақәгаразы иаарылшо зегьы ҟарҵон, аратәи
ҳус ҳалгахьан. Жәлар реизара ара аусура ианаҿыз ҳара адунеи аҿы иҟоу еилаҳкаар акәын,
Қарҭи Бақәеи реиҳабырақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу, Нхыҵ Кавказтәи аиҳабыра ишырзыҟоу,
абольшевикцәа Нхыҵ Кавказ ахақәиҭра разнеишьа зеиԥшроу. Абарҭ зегьы ашьхаҿы
ҳахьынхоз абахдыруаз, уи азы ақалақь ахь ҳалбаар акәын.
Азиз Беии ҳареи ҳанеиқәшәа, дара Қарҭ ицаны иҟоу еилыркаанӡа саргьы Чечентәыла
аангылара сыдыргалеит, аха аурыс бызшәа ахьысзымдыруаз азы мап рцәыскит. Аиашагьы
ҟасҵазаап.
Ҳаԥшәма акәтыжьи ачаии ҳадигалеит, ҳазхара анаҳфа ҳаԥсы ааҭалеит. Сара смагәқәа
шсышьаз снықәиеит. Усгьы мышқәак раахыс ҳамаҭәақәа ҳшәымхӡакәа ҳаҟан, аибашьра
иалахәыз аруаа ҳарҩызан. Уахынланы иаалырҟьаны ҳанхарҭа аԥсахра ҳақәшәеит аҟнытә,
аҽеилаҳәаха ҳазҭодаз? Беркок Беи аџьықәреи аԥырча иалхны иҟаиҵаз аҭаҭын данахоз
дрыцҳашьаны сихәаԥшуан. Сара Беркок Беи иеиԥш аҭаҭын сазгагамызт аҟнытә уи аҟара
саргәакуамызт. Ауха ибзианы сыцәеит, аха ҵхыбжьон еиҭа даҽаџьара ҳаиҭаҵыр акәхеит
аҟнытә Беркок Беи сааирԥшит. Аҩныҵкатәи аӷацәа рганахьала агәҽанызаара аҭахын.

ЛАҴАРА 12,1920 Ш.
Иахьа, ма уаха Даргантәи ҳақәҵуеит. Аха ҳусқәа иеилаԥаҭаны иҟоуп!.. Ажәлар зегьы рхы
иеигӡом, игәымшәоуп, ареспублика иадгылаоцәоуп, амапа рхатә гәаанагара рымаӡам...
Ахәыҷқәа ирҩызоуп, есқьынгьы хырхарҭак рыҭалатәуп... Рҵаҩык иаҳасабала, жәлар реизара
иалахәу ауаа ҳархагылазароуп, аха убри аҟара икаҵатәу аусқәа рацәоуп, минуҭкгьы хҭацәыха
ҳамаӡам.
Беркок Беи ичҳара маҷхеит азы зегьы рзы дгәамҵуеит, арахь иҳашьҭоу абольшевикцәа,
агьырахь иҳашьҭашәарыцоз амаҳагьацәа... Жәлар реизара иахагылаша, аҵара бзиа змоу,
ажәлар анапхгара рызҭаша ареволиуционер арԥыск дышцаҳҭахыз!.. Аурыс культура
иарҩашьас кавказтәи арԥарцәа... сышцарызгәамҵуеи!.. Ҳара шаҟаџьара ҳахьӡоз? Зны-зынла
Беркок Беи игәы ԥжәаны иҟаиҭәоз алаӷырзқәа, ажәлар рзы акгьы сызҳәом аха, абарҭ зыӡбахә
сымоу арԥарцәа ахә рызшәарцгьы иҟам. Аха зегь дарароуп, ҳажәлар рганахьала иҳамоу
агәыӷра ҳцәыӡӡом, ахақәиҭразы иахьа илаҳҵаз ажәла хара имгакәа аҟара ахылҵып,
аҽаҩрагьы ҳбап ҳәа сгәыӷуеит.
Беркок Беи дкараха дыҟоуп, игхеит, дҩежьӡа дҟалеит. Сара схаҭа сзеиԥшроу Анцәа
идырып!.. Иааз гәыԥҩык ауаа маҷк санрацәажәа ашьҭахь, кәарак ааигәара снеины, суапа
нкаршәны, ԥыҭрак аҟара сыԥсы сшьеит. Ашьхаруаа аӡы уи аҟара хьаас ирымаӡам, ҳара аӡы
ҳшылагылоугьы аӡба ҳаԥсуеит, ҳшабоит. Сара уаҳа ианысзымчҳа, хара иҟаз ӡыхьк ашҟа сцаны
сызхара аӡы зжәит. Насгьы ҳаԥшәма сиҳәан, ԥҳалк азнагьы аҩныка идсыргеит. Беркок Беи ари
азы, «аԥшәма аџьабаа иурбоит» ҳәа дсықәгәамҵит, сара «изџьабааузеи, аԥшәма иуалуп» ҳәа
сиҿагылт, избанзар сара аӡы зымбар иԥсуаз Аҟәуатигмеқәа (aquatigme) сырҩызан. Сызхара
аӡы ҟаломызт! Ҳныҟәараан зегь раасҭа сзыргәаҟызгьы аӡыдара акәын. Ҵхыбжьон еиҭа
ҳанхарҭа ҳаԥсахит. Излазбо ала, Даргаагьы ҳахьчара рылымшо иҟалеит.
ЛАҴАРА 13,1920 Ш.
Хәусеин Ефенди, аингәушцәеи, акалфаицәеи рахь дҳашьҭит. Назран, Ебубеқьир Ԥлиев
сасны иҭаз Азиз Беи иҟынтәгьы уажәраанӡа жәабжь ахьыҟамыз хьаас иҳаман. Хәусеин Ефенԥи
Азиз Беи дыԥшааны диацәажәаны даныхынҳәлак ҳаргьы адырра ҳаиҭарц акәын. Уи имҩа
данықәаҳҵа ҳаргьы даҽа қыҭак ахь хдәықәлеит. Иахьа зыхьӡ сгәаламшәаз ари ақыҭа аԥсабара
даараӡа иԥшзан. Ҩымш абра ҳҭынчӡа иаҳхаҳгар иҳабаргәыз!..
ЛАҴАРА 14,1920 Ш.
Ҳлак-ҩакуа ҳаҟан, Хәсеин Ефендии Азиз Меқери аанӡа ҳарзыԥшрызу, мамзар иаразнак
Қарҭҟа ҳцарызу, ҳәа ҳхәыцуан. Беркок Беи Қарҭҟа ҳцарц иӡбеит. даара иахьӷарроу ҭыԥк аҿы
ҳаҟоуп, ҵәыцак аӡы цқьеи ҿаҵак афатәи гәхьааҳгоит. Дарга ҳаныҟаз аӡы азҵаара ӡбаны, афатәгьы
абас ԥсыхәак азысухьан. «Асас дзықәшәаз ифап» рҳәозаргьы, сара аҵасқәа сырзымхәыцит, ахәшеи
акәтаӷьи сҭаххеит. Ҳаиҭагаҩ ила ҳара ас еиҳа ишаҳгәаԥхо, ари даргьы аџьабаа шыднамырбо
расҳәеит. Ас иаармарианы ахәыҟаҵара Ҳаԥшәма иагьџьеишьеит, иагьигәаԥхеит. Ашьхаруаа ахәша
ҳара ача иахьшьны ишаҳфогьы рымбаӡацызт. Уажәы ҳахьыкоу ақыҭагьы шьхақыҭамзи, ахш, ашә,
акәтаӷь сҭаххеит, акәҭаӷь ахәша иналажьны изџьуан. Сҩыза аруаҩын аҟнытә дзықәшәалак
дрыдтәаланы кыррыцифон, аха уи сара исылшомызт. Сгәы хынҳәуан. Сара сзы ари чымазарак
иаҩызан. Стамбул амҩа сахьаныз аӡәы дкажьцәо дызбар сгәахынҳәра иалагон. Ари Даӷьысҭангьы
шаҟантә исыхьи, крыфареи крыжәреи саакәыҵуан.
Уажәы хьаас исымаз, Қарҭынтә ҳзыхнымҳәыр ажәлар ирыԥсыхәои ҳәа акәын. Қарҭ ари
аҳәынҭқарра ҿыц иадгылоз ҳзыԥшаауазма? Дара ақырҭқәа рҭагылазаашьа зеиԥшраз? Атәым
ҳәынҭқаррақәа рҟынтә Кавказаа ирыцхраауадаз? Абарҭқәа зегьы рҭыԥ иқәаҳцаанӡа ажәлар
реизара аусқәа зынанагӡозма? Есааира зхыԥхьаӡара иацлоз абольшевикцәа жәлар реизара

ишԥазныҟәоз? Абарҭ азҵаарақәа рҭакқәа еилкааӡамызт. Асааҭ фба рыбжазы Беркок Беи ҳуадаҿы
иарҭа кьашьык днықәиеит. Саргьы аԥсабараҿы џьара снықәианы сыԥсы сшьарц, насгьы
иааҟәымҵаӡакәа ишәаҳәоз акармаҵысқәа сырзыӡырҩырц азы снеины ҵлак амҵан снышьҭалт.
Ихааӡа ааԥынра афҩи акармаҵысқәа рыбжьқәеи сырхагаланы срыман. Абри атәылаҿы иҟаз
аԥсабара аԥшзара сналаӡ сцеит.
Ԥыҭрак ашьҭахь ҳаԥшәма ибжьы саанарԥшит. Схы анышьҭысх, аҩныҵка дышсыԥхьоз
еилыскааит. Сҩагылазар, избазеи? 30-40-ҩык раҟара бџьарла иеиқәных аҽцәа ҳганахь ааира
иаҿуп. Раԥхьа, иҳақәланы иҳакәшеит ҳәа сгәы иаанагеит, амц заҳҳәарызеи, сагьшәеит. Аха
сышшәаз дмырбакәа, сышьҭахьҟа сымԥшӡакәа, ашьшьыҳәа аҩныҟа сныҩналаны иаразнак Беркок
Беи даасырԥшит, амала иҟаз ҳәа акагьы иаҳәаха смоукәа, снапы нархханы адәаҿы иааиуаз ауаа
нисырбеит. Ацәа далан азы иҟалаз изеилкаауамызт. Уи аамҭазы аҽуаагьы ааины аҩны аԥхьа
ацәаҳәа инықәгылт. Ҳара иабаҳдыруаз, арҭ ауаа ахақәиҭра иадгылаз ачечен еибашьцәа шракәыз.
Ҳара ҳаҳаҭыр азы иаазаап. Ҩныҵкала «Ҳаит, нцәа ииныҳәашақәа!.. Сгәы ҭышәҟьеит» сҳәеит.
Беркок Беи днеины дрылабжьеит. Саргьы 15 шықәса зхыҵуаз руаӡәык инапы имхны аԥсшәа
иасҳәеит, ашьҭахь азин ҳамхны ицеит. Ҳаргьы «оҳ, гәышьа!» ҳҳәан, ҳнеины ҳнықәиеит...

II-ТӘИ АШӘҞӘЫ
ЛАҴАРА 15,1920 Ш.
Иахьа ашьыжь чеченк шьыжьхьазы дҳаԥхьеит, ахҷаҭ, акәтарь, ашә, акәац жәны, уҳәа, уаҳа
назҭахым ачеиџьыка рхианы даҳзыԥшын. Амала ааԥхьара ҳазҭаз «Бзиала шәаабеит» ҳәа
ҳгәыдимкыландаз, уаҩҵас кырҳамфози... Ҳаԥшәма ацәа иалхыз маҭәак ахьишәыз азы убас
ифҩы гон, сгәы хынҳәит, ахыхь сызцәырнагеит. Аха иҟаҳҵарыз, ҳзықәшәаз акәын.
Ашьхаруаа рҿы иҟоу аизҳара уаҵамшьыцыр ҟалом, ҩнаҭацыԥхьаӡа 9-ҩык, 10-ҩык раҟара
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Кавказ иазку агәалашәарақәа - 5
  • Büleklär
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 1
    Süzlärneñ gomumi sanı 3470
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 2
    Süzlärneñ gomumi sanı 3484
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2044
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 3
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2128
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 4
    Süzlärneñ gomumi sanı 3498
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2157
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 5
    Süzlärneñ gomumi sanı 3417
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 6
    Süzlärneñ gomumi sanı 3434
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2170
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 7
    Süzlärneñ gomumi sanı 3416
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 8
    Süzlärneñ gomumi sanı 3465
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2220
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Кавказ иазку агәалашәарақәа - 9
    Süzlärneñ gomumi sanı 839
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 668
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.