LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Кавказ иазку агәалашәарақәа - 3
Süzlärneñ gomumi sanı 3471
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2128
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Сақәшаҳаҭуп. Абри аҩыза амилаҭ ус дҵаны ҳаԥхьа ишьҭазар, анагзара уалны исыцхьаӡоит,
аделегатцәагьы насышьҭуеит, -иҳәеит.
Аҳуша иахьеизо иашоума, сҳәан, иара, реиҳа ихадараз ҭыԥк аҿы иҟалар ибзиахон, иаҳҳәап
Гәуниԥ мамзаргьы Хәунзах еиԥш, -иҳәеит.
Иҳацны иааз османаа рфицерцәа ирызкны шәгәаанагара зеиԥшрои анысҳәа, аофицерцәа
ҳагуп, аха баша аруаа еиҳа иаҳҭахуп, -иҳәеит. Узун Ҳаџьы иахь сцаны Кавказ ахақәиҭразы
ҳазқәылаз амҩаҿы ицхыраара сҭаххоит. Насгьы иареи уареи шәеинааларц азы сиацәажәоит,
азин ҟаҵаны, ацхыраарагьы суҭоума ҳәа санизҵаа, ибзиоуп, сҳәаа шәахысаанӡа иаҭаху
ацхыра- ара зегьы шәзыҟасҵоит, иҳәеит.
Нхыҵ Кавказтәи аҳәынҭқарра ҳәа иуԥхьазо иарбану ҳәа санизҵаа, уи Даӷьысҭани,
Чечентәылеи, Тереки, Кубани реидгыла акәны иеилыскаауеит, иҳәеит.
Неџми Молла изы угәы иаанагои? Ажәлар дзырҭахыми ҳәа сызҵаара, абольшевикцәа
дахьраӷоу азы бзиа дызбоит аха, ажәлар дахьырҭахым иара иразҟыдароуп, ҳәа аҭак сиҭеит.
Неџьметтин, Даӷьысҭан ибеиаӡоу амоллақәа дреиуоуп, Исмаил Беркок иҟынтә изласаҳаз ала,
иуасақәа рхыԥхьаӡара аизырҳара ада уаҳа хьаа имамзаап. Ихатәы интересқәа рзы имилаҭгьы
иԥсадгьылгьы дрыӷрагылон азы ажәлар аӷас дышьҭыхны дрыман. Аҵыхәтәан, иуасақәа зегьы
абольшевикцәа ианеимырҵәа Али Ҳан иҟны иҽыԥхьеикит, -иҳәеит.
Нхыҵ Кавказ азы аказакцәа ирхәыцуеи, анысҳәа, аказакцәа ҳара ҳзы цәгьарак рхәыцуеит
ҳәа сгәы иаанагом, иҳәан абасгьы нациҵеит: Нхыҵ Кавказтәи аҳәынҭқарра аԥҵара дара
османаа ринтересқәагьы ирықәшәозар аруаа ҳзаарышьҭааит. Абаагәарақәа зегьы
шыԥхасҭартәызгьы, сара Хәунзах иҟаз абаа сыхьчеит. Имаҷымкәа аибашьыгатә маҭәахәқәагьы
османтәи ар рԥыза исҭахьан. Уажәы даргьы сара исыцхрааит! Урҭ иаарышьҭраны иҟоу аруааи
сара исымоу 12.000-ҩыки еицылар, абольшевикцәа аҵаҳархоит!.. Шьҭа 12000-ҩык аруаа
абаҟоу ҳәа азҵаара аҭахума? Иеициҵар 1500-ҩык раҟара ауаа иоуан, урҭгьы афатәи аԥареи
рыҟамзаара иахҟьаны хара имгакәа ишеимпуа уажәнатә иубарҭан. Али Ҳан ҳазхара
ҳанизыӡырҩы ашьҭахь, Аҳуша иҟалараны иҟоу жәлар реизарахь инаишьҭша ауаа шьҭахьҟа
ҳгьежьаанӡа ишалихша иасҳәеит, ацаразгьы азин саҳәеит.
Хәунзах ҳаннеи ауха ашьыжь Ҳолуҭ иеиуаз ҳамҩаԥгаҩцәагьы ҳахьӡахьан. Шьҭа
иеицырдыруаз Ҳаџьы Мураҭ иқыҭа Хәунзах ааныжьны амҩа ҳақәлар акәын. Али Ҳан иаҳзиуз
аԥшәмаразы иҭабуп ҳәа иаҳәаны хдәықәлеит. Иаргьы ируаа зегьы ацәаҳәа иқәыргыланы
ҳамҩаԥигеит. Аиашазы, саргьы ар рԥызак иеиԥш ҳаҭыр сықәҵаны дахьсызныкәаз даара сгәы
иахәеит. Али Ҳан абаагәара 100 метрак раҟара дынҭыҵны ҳнаскьеигеит. Анди аҳәаа
ҳахысаанӡа жәаҩык аруаа ҳацҵаны, ихатә ҽы снақәыртәаны уаанӡа сишьҭит.
Узун Ҳаџьы иҭынхак Хәунзах абаагәараҿы Али Ҳан дҭакны дышимаз саҳахьан. Али Ҳан
сиацәажәаны, иахьатәи аамҭа аиҩызареи аусеицуреи шаҟа ҳазрыцҳау ихы инҭагаланы, иаргьы
дшыҳаранакуа, ҳаргьы ҳшеигәырӷьо наиаҳәаны, аҷкәын доуишьҭырц сиҳәеит. Иҭаку иага
дбольшевикзаргьы шәаҳаҭыр азы доусышьҭуеит ҳәа ажәа ҳаиҭеит. Иажәа агьынеигӡеит. Ҳара
Ведино ҳшыҟаз иара аҷкәынгьы днеит. Арыцҳара ихьыкәкәа, аиаҭым ԥшран имаз.
Аратәи ауаа аҩада Даӷьысҭанаа раасҭа еиҳа аинтеллигентра рылан, реиҳа ицқьан. Иршәыз
рхамқәеи ауасцәа иалхны икьынааӡа ирхаз рхылԥарчқәеи рыла уаанӡа Стамбул избалоз
Турқисҭантәи, Буҳаратәи аҳаџьқәа /Мекка ицан иаауа/ сгәаладыршәон.
Даӷьысҭан, ҭырқәшәала иара ажәа ишаҳәо еиԥш, ицәҳәыҟьантазӡа иҟаз ашьхақәа рыла
иҭәуп, аҭыԥантәи ауаа кырӡа иӷаруп. Амала аҩхаақәа барақьаҭуп, ашәыр бзианы иҟалоит.
Ақыҭақәа Анкара, Кониа иҟоу аҭырқәа қыҭақәа иреиԥшуп. Аҩнқәа еиқәыжьу анышә еизга
иаҩызоуп. Аха Бақәаҟа санцоз избаз азербаиџьнаа рыҩнқәа раасҭа иеиӷьуп. Урҭ рыҩнқәа
адгьыл аҵа ихәыҵазшәа акәын ишыҟаз. Арҭ ауаа мышкала хәынтә анамаз рымкыр, рыфҩы азы
рааигәара узнеизом, убас иҟьашьуп. Шаҟантә сгәы хынҳәхьаз, «Бзиала шәаабеит» ҳәа ҳаҳәаны
ҳгәыдызкылоз Даӷьысҭанаа раԥхьагылаҩцәа ирхылҿиаауаз афҩы бааԥс азы шаҟантә
исҿысхьаз... Адинхаҵара абри аҟара ишадҳәалоугьы ацқьара рызԥырзом. Арахь адинхаҵара
шьаҭас иамоу ацқьароуп.
Хәунзах аамышьҭахь ҳамш даараӡа ишәарҭан. Иҳаракыз ашьхақәа ирыкәшаны ицоз
амҩахәасҭақәа рҟынтә аҩхаа иҭанхоз ақыҭақәа аарлаҳәа иубарҭан. Амҩа арыӷьарахь ажәҩан
ԥштәы змаз ашьхақәа убон, арымарахь уанҭаԥшыугәы ҭызҟьоз аҿкьарақәа. Ҳзықәтәаз аҽқәа
ршьапы аақәкьар ҳаӷеимшхара... Сара алада сыԥшыцыԥхьаӡа схы гьежьуан, амала сышшәоз
аӡәгьы исырбомызт, уимоу, ишәарҭоуп ҳәа зегьы рыҽқәа ирықәҵны шьапыла ишдәықәлазгьы,
сара сҽы сақәымҵӡеит. Избанзар, маҷӡак ашәара сыдырбалар, сышҟа ирымоу агәрагареи,
исықәырҵоз аҳаҭыри ыӡуан, избанзар Кавказ ашьхаруаа рҿы ашәаргәындара иеиҳау хьымӡӷы
ыҟазам.
ҬУҲ
Машәырда Хәунзах ашьхақәа ҳаргәылсны Ҭуҳ ақыҭаҿы ҳналбааит. Ақыҭа аҩхааҿы
ишьҭоуп. Ара Ирис захьӡыз арԥыск иҿы ҳаангылеит. Уи ҳашидикылаз атәы иахьагьы
исхашҭуам. Ҳаиҩызара аҳаҭыр азы сахьак ҳамҭас изынсыжьит. Ҭуҳ ақыҭаҿ уахык ҳанынха
ашьҭахь Андика хдәықәлеит. Идрисгьы сааҭк аҟарадҳаццеит.
АНДИ
Ҭуҳи Андии ирыбжьысуаз амҩа сшәаԥыр-ҳаԥуа исхызгеит. Ҳазлацоз аџьмақәа
рымҩахәасҭа даараӡа ишәарҭан. Анцәа иҟынтә ҳаҽқәа амҩа иашьцылан азы шәарҭара
ҟалаанӡа рцәа ианыруан. Амҩахәасҭа убас иҭшәан, ашьапҭыԥқәа рышьҭа ҳхыланы мацара
ҳцон. Абас мацара, ианааилашәшәуаз Анди ҳнеит. Ари, қалақь хәыҷуп азуҳәаратәы идуз қыҭак
акәын. Ҳамҩаԥгаҩцәа ҳахьынхашаз аҭыцԥ архиаразы иҳадҵит. Ԥыҭрак ҳарзыцшыр акәын.
Ҳаргьы ақыҭа аҩныҵка ҳаҽқәа рыӷәрақәа кны алада-аҩада ҳныҟәон. Аамҭа акыр бжьысит
аҟнытә ҳҩызцәа анымаа, ак шыҟақәаз ҳныруа ҳалагеит. Аӡәы-ҩыџьа иҳавсны ицоз ауаагьы
аԥсшәа шҳарымҳәозгьы, уамашәа иҳахәаԥшуа, рыбызшәала игәамҵ-хамҵуа ажәақәак рҳәон.
Ҳара ҳакәым Ебубеқьиргьы ирҳәо изеилкаауамызт. Ԥыҭрак ашьҭахь ҳамҩаԥгаҩцәа имаҷымкәа
ауаа рыцны иаакылсын, ҳазегьы ҳаицны ақыҭа аиҳабы иахь ҳнеит. Аиҳабы дыхьшәашәаӡа
ҳидикылеит. Адҵа ҳаиҭараны дыҟазшәа ҳныҟәара мзызс иамоу дҳазҵааит. Аиҭагаҩ ила
изеиҭасҳәеит. Иҭахымшәа дӡырҩуан. Ари аамҭазы ҳамҩаԥгаҩцәеи ҳаԥшәмацәеи еимактәы
ӷәӷәак шрымаз аабон, аха иҟоу ҳзеилкаауамызт. Ақыҭа аиҳабы ҳахьынхаша, аҭыԥ ахь
ҳашцашеи ҳшеибабашеи анҳаиҳәа ауха ҳҭыԥ ахь ҳцеит, ҳамҩаԥгаҩцәа иҟаз-ианыз Ебубеқьир
изеиҭарҳәеит. Урҭ ҳара англиаа аԥареи адҵеи ҳаҭаны иаарышьҭыз агентцәақәак ҳакәыз
џьыршьазаап. Иара ҳамшцгаҩцәа ирдыруаз насгьы изыцәшәоз шьоукы ракәымзар,
Ебубеқьиргьы саргьы иааҳгәыдҵаны ҳаршьырц ргәы иҭазаарын. Убри азоуп ақыҭа унеишьуааишь зарҳәоз аӡәгьы рыҩныҟа ҳнармыԥхьакәа, ԥҳәыс еиба ҿарк луадаҟны анхара
ҳзақәшәазгьы. Ауха алымт ахьыкәкәа, цәарҭа кьакьақәак рҿы иҳаршеит. Аха ма ҳаԥсқәа
еиқәаҳмырхеи... Адырҩаҽныгьы ақыҭа аиҳабы иуадаҿы иеизаз ауаа рлакҭақәа рҿы ашьхаруаа
рысасдкылара иеиԥшыз ак сымбеит. Ажәакала, ари аҩыза ашәарҭара ҳахганы Вединоҟа
хдәықәлеит. Ҳара ҳахьныкәоз ақыҭақәа рҿы ахақәиҭреи ахьыцшымреи рзы ауаа ҳарҿыхон.
Абольшевикцәа иахьабалак аимадара рыбжьан аҟнытә ҳара ҳазҿыз азы иаразнак адырра
роуан. Урҭгьы ҳара ҳзы ҽеи шырымҳәоз шьҭа иубарҭан. Ақыҭаҿы иҟаз абольшевикцәагьы абри
азакәын изҳажәлаз. Ақыҭа иеиҳабыз Алдемир захьӡыз арԥыс нас Ведино сиқәшәеит. Андинтәи
делегатны дыҟан. Ҳара ҳганахьала ииашамкәа рхы ахьымҩаԥыргаз азы аҭамзаара шьҭаиҵеит.
Саргьы «ус аԥсҭазаараҿы иҟалалоит» ҳәа ажәақәак иасҳәеит, аха зегь дара роуп ари ауаҩы
Кавказ ахақәиҭра гәыкала иадгылоз патриотк иоуп ҳәа агәрагара смоуит. Ицәажәашьеи
ихымҩаԥгашьеи срызхәыцуан.
Анди аамышьҭахь Мунии Карачаии ақыҭақәа рахь ҳцеит. Карачаи ақыҭаҿы џьашьахәык
ҳақәшәеит. Ақыҭауаа Вединонӡа аҽқәа шҳарҭо ала ҳашдыргәыӷызгьы аамҭа ргон. Баша аамҭа
зырго ҳаназҵаа «Иахьа уажәраанӡа Чечентәыла ицоз аҭырқәа офицерцәа ираҳҭаз аҽқәа
руакгьы шьҭахьҟа иаҳзаармышьҭӡеит, иаҳцәыбналеит. Шәаргьы урҭ шәреиуоуп, шәыгәра
ҳгаӡом» ҳәа ҿаарҭит. Ҳамҩаԥгаҩцәа иага рҳәазаргьы иамуит. Аҵыхәтәан, Ебубеқьир дгәамҵны
«Ҳара Нури Ԥашьа иааишьҭыз ахыҭҟьацәа ҳреиуазам, аҳалифа иҟынтә ҳаауеит, Кавказ
аурысқәа рҟынтә ахы иақәиҭаҳтәразы аус аауеит. Ихашәымҵозар, абар адокументқәа»,- иҳәан,
иџьыба дынҭаланы иааҭихыз ақьаадқәа рыбжа агәыҳалалратә хеидкыла амзаҿа иазкын.
Амзаҿа асахьа зныз бӷьыцк аарылхны акалашәа даасыхәаԥшит:
«Ушьҭа Ҳалифа имҳәыри амзаҿеи зну адокументқәагьы хашәымҵозар, анцәа шәихьчааит,
шәқьаафырхоит!..»- иҳәан, иикыз абԥыц харантәи инадырбаны, днагәӡны икәа инҭеиҵеит.
Иҟалаз Гераигьы иџьеишьеит, аха аҭагылазаашьа иаразнак аҽаԥсахит, аҽқәа дырмазеит, амҩа
ҳақәырҵеит. Ҩба зламыз ақыҭауаа ргәыцқьара ҳаршанхан ҳаҟан, аха арахь иҟалаз
анаҳгәалашәалак аччара ҳзаҟәыҵуамызт.
Ари ақыҭа нахыс ушьҭа ицәҳәыҟьантазӡа иҟаз Даӷьысҭантәи ашьхақәеи арыцҳара иҭагылаз
рқыҭақәеи шьҭахьҟа инҳажьит. Раԥхьаӡатәи ачечен қыҭа Селим Ҳан ҳаннеи ицқьашәқьаза
иҟаз, Черқьес қыҭак аҿы ҳнеит. Хаз-хазы ашҭақәа рҿы ишкәакәаза ишәны игылаз аҩны
ԥшӡақәа. Чечентәылатәи аԥсабара ԥшзӡа схьаақәа, сааԥсара зегьы сханаршҭит. Схәыцрақәа
ирылаз Кавказ, абыржәы акәын ианызбоз. Ебубеқьир иакәзар, Даӷьысҭан избаз арыцҳара сгәы
ахьканажьыз азы Кавказҵәкьа иҵегьы нхыҵ ҳанцалак избараны сшыҟоу саҳәаны, даҽа маҷк
исычҳарц дсылабжьеит. Арахь сзықәгәыӷша акгьы сазыԥшымызт, аха Чечентәыла еиҭа
агәыӷрақәа соуа иалагеит.
ВЕДИНО СЫҞОУП
Ведино акәша-мыкәша баагәарала ичаԥоуп. Макьаназы Узун Ҳаџьы аҳҭнықалақьс иҟоуп.
Ақалақь абаагәара акәыршоуп. Аха ахыхьчарҭа ҭыԥқәа реиҳарак бгахьан. Аофицерцәа рзы
иҟаҵаз аҩны ԥшӡақәа ракәзар, маҷк аԥхасҭақәа рыман. Ажәлар аказакцәа ргәаӷ арҭ
ирхыргазаап. Убасҟан зыхьчара аҭахыз ахыбрақәа имаҷымкәа ааха роуит. Ведино ҳанааз
аҽны, Узун Ҳаџьы дычмазаҩы бааԥсны дышьҭан, аԥсхыхра даҿын. Усҟантәи аамҭазы Шеиҳ
Шамил иеиԥшыз ари ауаҩыцқьа, афырхаҵа абас дахьызбаз даараӡа ихьаазгеит.
Иацәажәарагьы сзалмыршеит. Узун Ҳаџьы аурыс ҳәынҭқар идҵала сибраҟа ддәықәҵан, ихигаз
рацәан, адырреи, аԥышәеи, ахьӡ-аԥшеи змаз уаҩын. Кавказаа рьҩныҵка иеицырдыруаз
апатриотцәа дыруаӡәкын. Абыржәыҵәкьа иԥсра Кавказаа рзы цәыӡ дуӡӡахон.
Ихаҭыԥуаҩс иҟаз иҷкәын, иара иҭыԥ аанкылара зылшоз аӡә иакәмызт. Уи уаҩҭынчк иакәын.
Убри аҟнытә Вединотәи аиҳабыра ԥызада инхеит уҳәаратәы иҟан. Аиҳабыра еизаны
аҭагылазаашьа иахьалацәажәоз саргьы ааԥхьара сырҭеит. Ргәы каҳаны иҟан аҟнытә,
изырҭынчша ажәақәак расҳәеит. Ачымазаҩгьы агәабзиара изеиӷьасшьеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа
рминистрс иҟаз Аҟабарда ҷкәын ауха «чаик еицаҳжәып» ҳәа ааԥхьара ҳаиҭеит.
Ҵхыбжьонынӡа ҳаицәажәон. Ҳхықәкы иазкны игәаанагара еилыскаарц сҭаххан, аха длакҩакуа иҟаиҵаз аҭакқәа рыла сгәы дақәымшәеит. Уигьы, зегь реиԥш, раԥхьаӡа абольшевикцәа
аус рыцура шаҭаху далацәажәеит. Ари ҳаргьы ҳақәшаҳаҭын, аха уи азы абольшевикцәа Кавказ
ахақәиҭра иақәшаҳаҭхароуп ҳәа азҵаара ықәҳаргылон. Ашьыжь шаанӡа аиҳабыра еиҭа
иеизеит. Узун Ҳаџьы иеиҳабыра мап ацәызкуаз Ҳасеф Иурҭ рхаҭарнакцәеи Ведино
ахаҭарнакцәеи рыбжьара аицәажәарақәа мҩаԥысраны иҟан. Абри аицәажәараҿы дара
рганахьала саргьы сыҟазарц азы исыҳәеит. Санақәшаҳаҭха, аҽқәа дырмазеит. Аҽқәа ҳашьхәа
надырбаны аӷьеҩҳәа амҩа ҳнықәлеит. Аҽуаҩцәа рнапқәа рҿы «Лаилаҳе Иллаллаҳ» (Аллаҳ иԥа
нцәа дыҟам) зныз аҭарчеи иаҵәақәа ркын. Амҩаҿы Вединоаа рхаҭарнакцәа ҳԥылеит. Аизара
хыркәшаны шьҭахьҟа иаауан. Узун Ҳаџьы иеиҳабыра зегьы шақәшаҳаҭхаз анҳарҳәа ҳазегьы
ҳаигәырӷьеит, адинтә ашәақәагьы еицҳәо Вединоҟа ҳхынҳәит. Агәырӷьара аҳаҭыр азы Ведино
абзарбзанқәа ҭдыркьеит, аҽыуаагьы ршәақьқәа анҭадырцәы, саргьы скьарахә ааҭызган,
хәынтә раҟара схысит. Адырҩаҽны Узун Ҳаџьы иԥсҭазаара далҵит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рԥыза
Аҟабардагьы дыбналаны абольшевикцәа рахь дцеит. Аԥараҭыжьырҭа аусзуҩцәа русура
ааныркылеит. Аруаагьы аимпра ахықә иаақәгылеит. Ажәакала, аиҳабыра хыбгалеит. Шьҭа Узун
Ҳаџьы иеиҳабыра ақәгәыӷра даара иуадаҩын. Ара иҟаз абџьарҟаҵарҭа аусзуҩцәагьы
еимпхьан. Абольшевикцәа ракәзар, ауаа иеиԥхьԥдырттарц азы аԥарагьы иамеигзакәа
апропаганда аҟаҵара ишаҿыц иаҿын. Ушьҭа Аҳушаҟа аделегатцәа рынашьҭрагьы алшомызт
аҟнытә, Аҳуша ҳцаны Азизи Беркоки, насгьы уа иеизап ҳәа ҳзықәгәыӷуаз аделегатцәа зегьы
Вединоҟа иааҳгар акәын. Ари агәаанагара аиҳабыра ианрыдызгала, иақәшаҳаҭхеит.
Аԥараҭыжьырҭеи абџьаркаҵарҭеи рҿы аус зуаз ауаа ааизганы срацәажәеит, сара схынҳәаанӡа
иаачҳаны, Узун Ҳаџьы иԥсы ҭоушәа аус рурц азы срылабжьеит.
Зыԥсаҭа бзиахаша, Узун Ҳаџьы ишахәҭаз ала анышә даҳҭеит. Харантәи иааз шәҩыла ауаа
аԥсыжра рҽаладырхәит. Еиҭаҳәашьа амамызт ауаа ихыҵны иҟаз. Амҩа сықәлеижьҭеи
раԥхьаӡа акәны суаажәлар рхаҿраҵәкьа збеит. Уи азы иага хьаа сымазаргьы, уажәы ҩныҵкала
сгәырӷьон. Аҵыхәтәан, еизаз анеимлыс ҳаргьы ҳҽааидаҳкылеит. Ебубеқьири сареи ԥшҩык
аруаа аашьҭыхны Аҳушаҟа ҳхынҳәит. Амҩан Кубагьы ҳанкыдгыланы, Гератии иҩызцәеи уа
инҳажьит. Даараӡа иҭабуп ҳәа раҳәаны, иҳадырбалаз аџьабаа ахә мышкызны ашәара шысуалу
расҳәеит. Амала, убасҟан абарҭ ауаа рџьабаа ахә ашәара шысҭахыз атәы сзеиҭаҳәом!..
Шьҭахьҟа ҳаныхынҳәы, Али Ҳан абольшевикцәа ахьиқәымчуаз азы уаҳа изымычҳакәа, ируаа
ԥыҭҩыкгьы аашьҭыхны, Қырҭтәыла ашьхақәа иҽшриҭаз еилыскааит. Шьҭа уи иганахьала Аҳуша
аделегатк дыкоуп ҳәагьы сгәы иаанагомызт.
Анди ашьхақәа рҿы амҩа ҳшықәыз, уаанӡа машәырла Қарҭ избахьаз адаԥазартәи Нури
иҩызакгьы иаргьы еицны срықәшәеит. «Шәабацо?» ҳәа санразҵаа, Узун Ҳаџьы ишҟа ишцоз
сарҳәеит. Уа иҟаз ианыз рзеиҭасҳәан, ҳхынҳәаанӡа Ведино иаҳзыԥшырц расҳәеит. Даргьы
ақәшаҳаҭхеит аха, нас излеилыскааз ала, уаҟагьы иаанымгылакәа Тереки Кубани рганахь,
нас,Туркистанка ицазаап.
Қьаазым Беи изласеиҳәаз ала, Нури абольшевикцәа дыршьызаап. Сгәанала, арҭ аҷкәынцәа
рҩыџьагьы Ҭурқисҭан иҟаз Енвер Ԥашьа ицын, убра иагьҭахеит. Ҳара ауаа ҳанрышьҭоу
аамҭазы Кавказаа рыҷкәынцәа хьӡи-ԥшалеи Ҭурфсҭан ицаны, атәым ԥсадгьыл азы
иеибашьуан, иҭахон!..
Гәаҟрыла Аҳуша ҳнаӡеит. Аҭагылазаашьа акырӡа аҽаԥсаххьан, Даӷьысҭани Чечентәылеи
абольшевикцәа ахаԥахьан. Дербент, Петросфак, Шура рнапахьы ииасхьан. 10.000-ҩык раҟара
аказак офицерцәа Азербаиџьан реыԥхьаркызаап... Аурыс шкәакәақәа рҭыԥқәа аҟаԥшьқәа
ирзынрыжьуан.
Ҳаруаа рыцҳақәа! Ргәы хьаауа, рылахь еиқәышьышьы, иҭакны ишрымаз срықәшәеит. Нури
Ԥашьа иуаажәлар иманы Бақәаҟа, Қьаазым Беи- Карабахҟа ибналахьазарын. Абасала,
Азербаиџьанаа рзы аус зуаз амчрақәа ҳәа акгьы нымхазеит.
Аҳуша ҳахьнеиз, иаартны акәымзаргьы, аӷацәақәак реиԥш иаҳԥылеит. Иахьҳахәаԥшуаз
ҳшырзымычҳауаз рыблақәа ирхубаалон. Нури Ԥашьа данцоз ҳара ҳаруаа ирзынижьыз
афатәқәагьы рымырххьан. Амла иаркны иршьырц рҭахызшәа... Ақыҭа аиҳабацәа еизызган,
ҳаԥсадгьыл аҟынтә иҳауз ааԥхьара инақәыршәаны дара рҿы ҳшыкоу, Нури ԥашеи ҳареи
машәырла ҳахьеиқәшәаз ада уаҳа акгьы шаҳзеилам рзеиҭасҳәеит. дара ҳара ҳашрыдыркылаз
Кавказаа руаҩреи рысасдкылареи ишақәнамго атәы расҳәеит. Ебубеқьиргьы ажәа џьбарақәак
нациҵан, ажәларгьы рҽаадырҭынчит. Ҳаруаагьы аамҭала уа аангылара иақәшаҳаҭхан, уаҳа
ԥырхагак шырмоуа алагьы ажәа ҳарҭеит.
Азиз Беии Беркок Беии Леваше ишыҟаз еилыскааит. Леваше уи аамҭазы асовет ар рҭыԥ
хадақәа ируакын. Иаразнак уахь сцоит ҳәа сыӡбеит, аха Ебубеқир абольшевикцәа рҭыԥ ахь
ацара дацәшәон азы исымаикуан, арахь Аҳуша дынхаргьы иҭахымызт. Ари ауаҩ рыцҳа
ахақәиҭра мышкала ишьақәгыларц иҭахын аҟнытә аамҭа цацыԥхьаӡа игәы ԥжәон. Ебубеқьир
даараӡа уаҩы разык иакәын, дпатриотын, аха дыхжәацәан. Шаҟанатә ашәарҭара
ҳҭаиргылахьаз, шаҟа дыбзиаз аҟара аполитика дацәыхаран. Абольшевикцәа адин
иахьаҿагылаз азы мацара драӷан, ибаны дықәгыломызт. Арахь ҳҭагылазаашьа зеиԥшраз ала,
абольшевикцәа ҳарҿамгылар еиӷьын. Левашеҟа ҳанцоз рымаҭәақәа алента ҟаԥшьқәа азыркыз
ауаа ҳԥылон, Ебубеқьир урҭ ргәы нирхо даналагалак мчыла дааныскылон.
ЛЕВАШЕ
Леваше алеитенант Исмаил Ҳаққы Беи сиқәшәеит, Азиз Беии, Беркок Беии, егьырҭ
ҳҩызцәеи Шураҟа ишыҟаз сеиҳәеит. Саргьы Аҳуша иҟаз аҭагылазаашьа изеиҭасҳәеит.
Ируаагьы иманы Шура днеины ҳара дышҳацлоз еибаҳҳәан, ҳаиԥырҵит. Исмаил Ҳаққы рыцҳа!
Иеиуеиԥшым аибашьрақәа рҿы афырхаҵара аазырԥшыз аофицер гәымшәа! Стамбул хықәкык
аҵыхәала амҩа ҳшеицықәлазгьы, аамҭала ҳамҩақәа хазхеит, абольшевикцәа рахь дагеит. Урҭ
ражәа ԥшӡақәеи рыпропагандеи дхырхит. Наҟ-наҟ апропаганда аҟаҵаразы Ҭырқәтәылаҟа
инаишьҭыз Супхи Беи игәыԥ даларҵеит, аха Трабзон азааигәара амшын излахыз анышь аҟны
акаԥдан Иаҳиа иуаа цәгьаԥсышьала ишьны амшын иаларыжьит. Ари агәыԥ иалаз акаԥԥанаԥырҩы Ҭевфик Беи иакәзар, разҟыла иԥсы еиқәхеит.
ҬЕМИРҲАН ШУРА
Шура Азизи Беркоки егьырҭ cҩызцәеи сареи ҳаиқәшәеит. Али Ҳан Канҭемиргьы уа дыҟан.
Ари ауаҩы ибара егьырҭ сҩызцәа раасҭа сеигәырӷьеит. Избанзар кавказаа ринтеллигентцәа
ажәлар ирылагылеит ҳәа сазхәыцуеит. Аха урҭ рыжәлар ирылагылар аасҭа, Қарҭ, мамзаргьы
Бақәа асасааирҭа дуқәа рҿы аамҭа рхыргалар еиҳа еиӷьаршьон.
Сҩызцәа рҭагылазаашьа даараӡа ибааԥсын, ԥарала иеиԥшӡамызт, сымаҭәахәқәак дсырҭиит
аамҭала џьара иҳахәозар ҳәа, аха мышқәак рышьҭахь еиҭа ԥарада ҳаақәхеит.
Ақалақь абольшевикцәа ирымпыҵахаланы иҟоуп. Ара асовет Еизара еиҿкаауп. Џьелал
Коркмазов абри аизара дахагылоуп. Хымԥада, уи иџьабаа алҵшәа ахьибаз игәы иахәеит. Бақәа
нахыс иҳацныҟәоз аполковник Саликовгьы маҵура дук иман. Саликов Қьаазым Беи
димҭаӡакәа иԥсы ахьеиқәирхаз ихамышҭит азы ара кырӡа дҳацхрааит.
Ишысҳәаз еиԥш, ҳҭагылазаашьа абольшевикцәа рҿацхьа ҳҿы ҿанаҳәон. Азизи Беркок Беии
изныкымкәа Џьелал Беи иԥылеит. Џьелал Беи адәахьала Кавказ ахақәиҭра даԥгылаҩын, аха
аус аҟны иныҟәашьа даҽакын!.. «Макьана ажәлар уи аҩаӡараҟны иҟаӡам» ҳәа дхәыцуан. Ҳара
ҳакәзар, зынӡаҽакала ҳазнеиуеит. Ҳгәаанагарақәа шьҭа еиқәшәашьа рымамызт!
Амилаҭ интересқәа мап ацәызкуаз политикатә екҿкаарак ҳара ҳадгылозма? Ари нахыс ҳарҭ
Џьелали иҩызцәеи рзы иқәгатәу ауаа ҳреиуан, аха уажәраанӡа ҳара абольшевикцәа
рыгәшәымшә ҳҳәон. Даеакала ҳхәыцуазҭгьы, Леваше Џьелал Коркмазов иаӷацәа дыдҳаркуан,
мамзаргьы Саликов днаганы Қьаазым Беи диаҳҭар ҳалшон. Абасала, абольшевикцәагьы хыда
иқәҳархон, аха урҭ амилаҭ зинқәа ҳаҭыр ахьрықәырҵоз азы иахьынӡаҳалшоз ҳрыцхраауан.
Ари даргьы иеилыркаауан. Ус анакәымха, Шура ҳаныҟаз шьҭахьҟа ҳаргьежьра рылшон.
Ҳаруаагьы амла иамкырц азы дара абольшевикцәа ракәын ирыцхраауаз. Уи адагьы ажәлар
ахақәиҭра ишазыҟоу агәаҭаразы Чечентәылаҟагьы Даӷьысҭанҟагьы ҳцара атәы асовет Еизареи
ҳареи еицаҳаӡбахьан... Уажәы излеилыскааз ала, усҟан ҳаха ахьрымамыз азы баша рыла
ҳаԥырыргозаарын. Ушьҭа ари анеилаҳкаа ашьҭахь ас еицш иҟаз ар рҿагылара ҵакы амамызт.
Адаԥазар акаимакам /ахада/ Фуат Беи иашьа Ҭарык Беи Бақәаҟа «ушнеиз еицш адырра
ҳзыкаҵа» ҳәа наиаҳәаны амҩа дықәахҵеит. Егьырҭ ҳҩызцәагьы ара иааныжьны Азизи, Беркок
Беии, сареи Чечентәылҟа хдәықәлеит. Ебубеқьир Ԥлиевгьы иҩныҟа Назранҟа дҳашьҭхьан.
Акыраамҭа иҭаацәа рҟынтә адырра ахьимоуц иахҟьаны ишьара дықәҟьаны дыҟан, агәхьаагара
дарчмазаҩхьан. Ебубеқьир ишьҭахь Аҳмаҭ захьӡыз Чеченк ҳамҩаԥгара ихы иадиҵеит. Аҳмаҭ
40 шықәса зхыҵуаз, аҵара змаз, араԥ бызшәа здыруаз, зхы иамеигзоз, уи адагьы Чечентәыла
ахы инаркны аҵыхәанза ибзианы изԥыруаз аӡә иакәын. Ари ауаҩы гәымшәа Қарҭ ҳнеиаанӡа
дышҳацыз дҳацын. Иаҳзиухьаз абзиарақәа рыхә ашьара иахьагьы исылшом.
Шурантә адәықәлара анаҳаӡба зҵаарак ҳаԥхьа иаақәгылеит, ҳазлацоз ҳаздыруамызт.
Анцәа иҟынтә, Али Кылыч ҳәа Аҳуша, Нури Ԥашьа иҟны ҳаныҟаз иахԥырыз, ауаҩ гәыҭбаа
ауаара ирымихыз х-гәыԥк аҽқәа ааганы инҳаиҭеит. Арҭ аҽқәа шьҭахьҟа иааҳзааго иаҳзаамго
ҳазԥыруамызт. Ари аҩыза ауаҩреи агәаӷьреи Кавказааи ашьхаруааи рхылҵшьҭрақәа рҿоуп
иахьуԥыло. Ҳазлацәажәо ахҭыс аҩыза ақалақь акны, ацивилизациа иаланхо ауаа рҿы
иуԥылазом. Урҭ рзы ауаҩреи, агәаӷьреи, агәыҭбаареи ауаҩра акәымкәа, абнауаҩра иатәу
ҟазшьақәоуп.
Али Кылыч иҽқәа, Казбектәи асыԥсақәа рҿышьҭахьҟа ианиаҳҭоз сгәы шаҟа тхьаауаз атәы
иахьагьы исхашҭуам. Арҭ аҽқәа изтәу рҟынза ирызнагоу сызԥыруам, аха хара имгакәа Али
Кылыч абольшевикцәа дшыршьыз саҳаит.
1920 шықәса мшаԥы 13 рзы шьыбжьышьҭахь Шурантәи Вединоҟа амҩа ҳақәлеит.
Ҳапрограмма абас акәын ишыҟаз: Ведино иҟаз аиҳабыра ирыгқәаз нхарҭәааны, Ҟәбинеи
Аԥсни инхоз ҳџьынџьуаа рҿы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара хықәкыс иҳаман. Ажәакала, Нхыҵ
Кавказтәи ажәларқәа ргәаанагара анеилаҳкаа ашьҭахь программак еиҿкааны аусура нап
аҳаркыр акәын.
Шура нахыс Кавказ ҳахьныҟәоз иахьабалак узыршанхоз, убла хызкуаз аԥшӡарақәа
ҳрылагылан. Аԥсабара аԥшӡара ҳара ҳхықәкы анагзараҿы иҳацхраауаз мчык иеиԥшын. Ари
аҩыза аԥшӡара аӷа ишьапы амбароуп ҳәа ҳхәыцуан.
Мчыбжьык ҳанныҟәа ашьҭахь 1920 ш. мшаԥы 20 рзы Вединотәи абааҿы ҳнеит, аха раԥхьа
Ебубеқьири сареи ҳаннеиз ишаҳԥылаз уажәы иаҳԥымлеит. Џьоукы ҳаԥхарҵарцгьы иалагеит.
Арҭ ауаа абольшевикцәа ирыдгылозгьы ирыцәшәозгьы ракәын. Хадас ирымазгьы Чолак Иусуф
захьӡыз, Селим Ҳан ақыҭа иеиуаз аӡә иакәын. Уаанӡа ҳаныҟаз иқыҭа ҳалсны ҳашцоз уахык
иара иҩнаҭаҿы ҳаԥхьеит, усҟан ҳазхаазгьы нарҭбааны ианизеиҭаҳҳәа, даҳхаҵгылеит. Уажәы
ихьыз? Иаҳәа аанкыланы ҳаизара даҿагылеит, абаа ҳҭыҵырцгьы ҳадиҵеит. Ас иахьҳазныҟәаз
даараӡа ҳгәы иалсит. Амала иага иакәымла иҳазныҟәазаргьы, аҭак ҟаҳамҵеит. Избанзар
еиҳараӡак ҳара иҳадгылоз ажәлари Чолак Иусуф имаҵуарқәеи реиҿагылара ашьакаҭәарахьы
икылнагар алшон. Убри аҟнытә ҳрыбжьаҟазан, абаагәара ааныжьны ҳақәҵит. Ҳашиашаз
Дишни Ведино ақыҭахь ҳцеит. Уа Ескии ҳәа аӡәы иҩнаҭаҿы ҳаангылт. Вединотәи аиҳабыра
еимпхьан, аха Узун Ҳаџьы имаҵураҿы иҟаз ҩыџьа аофицерцәа аанханы иҟан. Арҭ аруаа
иахьагьы иԥхаӡа рыхцәажәара уалны исыдуп ҳәа исыцхьаӡоит. Ииашаҵәкьаны, арҭ аҩыџьа
Узун Ҳаџьы иеиҳабыразы хамеигӡарада инарыгӡаз аусқәеи рхы иадырбаз аџьабааи кавказаа
рырԥарцәеи еиҳаракгьы аурыс ир иалази рзы ихьымӡӷын.
Зыӡбахә сымоу аҷкәынцәа руаӡәы Анкара азааигәара Чорум иаҵанакуаз Сулҭан қыҭа
деиуан. Ҳамза Хәусеинзаде иԥа иакәын, Али Рыза ихьӡын. Милаҭла дшаҭырқәазгьы Узун Ҳаџьы
иартиллериа фырхаҵарыла напхгара азиуан.
Агьи арԥысгьы ақыҭа Дебреи Зир деиуан, Шеиҳ Меҳмеҭзаде Ҳәусну иԥа Иусуф иакәын.
Иусуфгьы Узун Ҳаџьы иҽыуаа ԥызас дрыман. Арҭ аҷкәынцәа, аказакцәа рабашьра аԥхьа
инаргыланы, аибашьрақәа зегьы рыҽрылархәны ашьхаруаа рыбзиабара дырҳахьан. Ҳара
ҳхынҳәаанӡагьы гәыкала ҳамаҵ руит. Нас иахьагаз сыздыруам, уаҳа рыӡбахәгьы смаҳаит.
Дишни Ведино ҳаннеи адырсҩаҽны ақыҭа аџьаамаҿы ахәаша намаз еицаҳкит. Ақыҭауаа
рдинхаҵаратә ашәақәа ҳарзыӡырҩит. Арҭ адинтә ашәақәа раасҭа аԥсадгьыли ахақәиҭреи
ирызкыз ҳара ҳтәык иаԥиҵаз ашәак азыӡырҩра абанзеиӷьасшьоз... Адинтә ашәақәа
санрызыӡырҩуаз сгәы каҳауан, гәыӷрак снаҭомызт. Уи ауп ҳабдуцәа иаԥырҵаз ахәрашәеи,
рхьыӡрацара иазкыз ашәақәеи еиҳа сызрызхьаауаз, аха иабаҟаз!..
Анамаз аамышьҭахь абаагәарахь ааԥхьара ҳазҭаз шәкәык ҳнапы иадыркит. Уаанӡатәи
рыгха хьадыршшарц азакәхап, ааԥхьара ҳаҭырқәцарала иҩын. Мап мкыкәа еиҭа абаагәарахь
ҳнеит. Атәыла иахагылаз ауаа ҳнарыдтәаланы зҵаара жәпакы ҳрыхцәажәеит. Уаанӡа
иҽхырцәажәоз, «110-нызқҩык аруаа сымоуп, аизарагьы, атәылагьы снапаҿы иҟоуп» зҳәоз
Чолак Иусуф, уажәы ихы ларкәӡаны, дҳамҵақьақьо, аҭамзаара шьҭаҵо дҳацәажәон. Ҳара
ҳашьҭахь дара рыбжьара кырӡа аимакқәа цәырҵит. Иаргьы дышиашам наиаҳәаны, ааԥхьара
ҳарҭар акәын. Аха ганкахьала, Иусуф дахьиашазгьы ыҟан. Иара ихаҭагьы ахақәиҭра
даҿагыламызт, аха Ҭырқәтәылантәи иааз ҩыџьа-хҩы рыла ари шзыҟамло, абольшевикцәа
рымца иналажьны, шьҭахьҟа ҳашцо атәы ҳзеиҭеиҳәон. Раԥхьаҟӡа Ебубеқьир иҩны ҳаныҟазгьы
абри дшацәшәо, Вединоҟа ҳаара ауаа рзы ишҽеимхо, абаагәараҿы ҳанхар дара рызгьы
ишыбзиам ҳаиҳәахьан.
Ҳара Вединоҟа ҳаара зызкыз анхара акәмызт, аиҳабыра меимпырц, аус рыдуланы ргәы
ашьҭыхра, рхарҭәаара хықәкыс иҳаман, аха ҳахнеиз аиҳабыра ҳәа акгьы ыҟамызт. Уи аамҭазы
абольшевикцәа Ведино иақәлараны иҟоуп ҳәа уҳәан-сҳәанқәа андәықәла, аҭагылазаашьа
аеаԥсахит, ҳапрограммагьы хыла-гәыла иааҳәхьан. Уаанӡа Аҳуша иҟахҵарц иаҳҭахыз Жәлар
реизарагьы ҳзеиҿымкаацызт. Ажәакала, Кавказ анапхгара абольшевикцәа рымпыҵахалара
ахықә аҿы инеихьан. Ведино Исмаил Ҳаққы Ԥашьа инапхгарала имҩаԥысыз аизараҿы
ахақәиҭразы раԥхьаӡатәи ашьаҿақәа ҟаҵаны, абарҭқәа еицыҳаӡбеит:
«Чечентәылеи Даӷьысҭани рахь ааԥхьарақәа каҵаны, Каиыш Курт ахәаҿы имҩаԥаҳгоз
аҭоурых ҵакы змаз аизарахь ажәлар наҳацхьеит. Иара убри аизараҿы ахақәиҭра атәгьы
рылаҳҳәараны ҳаҟан. Чечентәыла иҟаз аҭагылазаашьеи ауаа шаҳзыҟази уажәазы ҳара
ҳарманшәалон. Каиыш Курт ахәаҟны иеизаз ауаа рыбжьыҭирала аиҳабырак аԥҵаны Ведино
абольшевикцәа ирымпыҵаԥырхалар ҳуамызт, иара Вединогьы аҳҭны қалакцс иҟахҵоит ҳәа
ҳаӡбахьан.
Аамҭа мгакәа, Исмаил Ҳаққы Ԥашьа ихьӡала исҩыз ааԥхьарақәа ауаа рыларҵәаразы
аҽуаҩцәа иахьабалак идәықәаҳцеит.»
Уаанӡа, аамҭала Мет Иззет Ԥашьа ируаа Петроск рнапаҿы иааганы ианрымаз, Исмаил
Беркок Беи аштаб ахадас дыҟанаҟнытә, ашьхаруаа жәларқәа иааигәаӡаны дырдыруан,
ҳаҭыргьы иқәырҵон. Иара усҟан Исмаил Ԥашьа ҳәа ахьыз ҷыдагьы ирҭахьан. Иаргьы Кавказ
гәыкала дахьазыҟази кавказаа рҟазшьа бзиаӡаны иахьидыруаз ази еиҳабыс дҳацхьаӡон,
«Ԥашьа» ҳәагьы иаҳҳәон.
КАИЫШ КУРҬ
Каиыш Курҭ ахәаҿы ҳаизарц анаҳаӡба ашьҭахь, Азиз Меқер Беи Назранҟеи Влаԥикавказҟеи
дцаны иҟоу ибарц иҭаххеит. Аизара дахьӡарц азгьы иаразнак амҩа дықәлеит.
Ведино Куси захьӡыз аӡәы ҳсасны ҳаиҭан. Куси иаартны ицәажәо, аха даараӡа иџьбароу
уаҩуп, милаҭлагьы дчеченуп. Вединоаа уи аҟара бзиа дырбаӡомызт. Азиз Беи данца мышқәак
рышьҭахь, Кәуси иашьа иаӷацәа дыршьит. Ҳара иҩны ҳахьыказ иахҟьазаргьы сыздыруам,
избанзар ари ауаҩшьра аныҟала нахыс ҳахьчара еиҳа ишдырӷәӷәаз гәаҳҭеит. Уахынла бџьарла
иеиқәных иҟаз ауаа амца еиқәҵаны, шаанӡа ҳрыхьчон. Ҳаргьы иага ишәарҭазаргьы, ҳхы
ҳамеигзӡакәа иԥшьоу ҳус апропаганԥда азура ҳшаҿыц ҳаҿын. Ҳаԥшәма иашьа ишьрала
ҳаргьы хԥыршәарц шырҭахыз маӡамызт аҟнытә иаҭаххар, ҳхы алаҳахьчарц азы Куси ҳуадаҿы
рткәацгак нижьит. Аха уи ҳхы ишаҳархәаша саргьы исыздыруамызт, исыцынхоз Арнаут Хәсеин
Ефендигьы издыруамызт. Уи аӡәгьы иаҳамҳәеит, даараӡа атәы хдыруазшәагьы иҳадаҳкылеит.
Ушьҭа џьара маҷк ҳнаскьаргьы аруаа ҳашьҭан, иҳахӡыӡаауан. Иҟахҵаз ааԥхьарақәа ажәлар
ирыдыркылазар акәхап, зехьынџьарантә аделегатцәа аауа иалагеит.
ХҬЫС ЏЬАШЬАХӘЫК.
МШАԤЫ 30,1920Ш. АХӘАША.
Ахәаша анамаз акразы аџьаамахьы ҳцеит. Ари аџьаама Ведино абаагәара аурыс аҳәынҭқар
инапаҵаҟа ианыҟаз уахәамас иҟазаарын. Ажәлар хыҵны абаагәара рнапеҿы ианаарга,
ачеченцәа ари еиҭа џьаамас икарҵеит. Анамаз анымҩаԥысуаз ахьчаҩцәа ашә ишылагылаз
анызба иџьасшьеит, аха анамазкра ҳаналага, слакәны схы анаашьҭысх сҿацхьа чеченк
дышгылаз ангәасҭа, сшанханы саанхеит. Анамазкра ҳшаҿыз акы ҳзырур ҳәа ишәозаарын.
Изакә уааузеи ҳара ҳажәлар! Абас ауаҩра злаз, згәы ҭбааз ажәлар, аказакцәеи, аурысқәеи
ишԥарзынҳажьуаз? Рыцҳарас иҟалаз, дара ргәыӷрақәа здырҳәалоз амч, алшара ҳара
иҳамамызт. Ҳара ҳгәаҳәара ада акымзарак ҳамамызт.
Анамаз ашьҭахь Исмаил Беркок Беи ажәлар дрылабжьеит, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи
ишеиднакылаша, рымчқәа шеибырҭаша реиҳәеит. Ҳхықәкы иадгыларц ааԥхьара рзыҟаиҵеит,
иажәақәа рызегьы гәыкала ирыдыркылт.
ЛАҴАРАМЗА 2,1920. АМҼЫША.
Иахьа абаагәараҿы еилыхароуп, иахьабалаак аиԥыларақәа, аиҿцәажәарақәа цоит. Гәыԥгәыԥ, бџьарла еиқәных ауаа ҳахьынхо аҩныҟа аара иаҿуп. Гәыкала ишҳадгыло зырҵабыргуа
ажәақәа ҳарҳәоит. Ҳаргьы иахьынӡаҳалшо ҳрылабжьаны аизара ду ахь инаҳаԥхьоит. Иахьа
ажәлар иҵегьы рылабжьареи рацәажәареи шаҭахыз даҽазнык агәра згеит. Беркок Беи дааԥсан
аҟнытә уи аҩны дааныжьны, ауаа рацәаны иахьеизаз ҭыԥк аҿы снеит. Аиҭагаҩ ила хықәкыс
иҳамаз рзеиҭасҳәеит. Исцәагои, сҳәан, абольшевикцәа ирызкны ажәа бзиақәакгьы сҳәеит. Арҭ
ажәақәа анеиҭаргоз иӡырҩуаз рыбжеиҳараҩык ргәы ишахәоз убартә иҟан. дара урҭ зегьы
абольшевикцәа ирыдгылаҩцәаз ракәхарын. Саргьы абольшевикцәа кавказаа аурыс аҳәынҭқар
иҟынтә рхы ишақәиҭыртәыз еицш, уажәгьы рхақәиҭреи рхьыцшымреи ишадгылаҩцәахо атәы
сҳәеит. Ахәылбыҽха иҳауз адыррала аизараҿы абольшевикцәа ркомиссарцәа ҩыџьа маӡала
сара ишысзыӡырҩуаз еилаҳкааит. Ари ахҭыс алацәажәаразы Имам ихаҭыԥуаҩи сареи
ҳаиқәшәеит. Излаҳаӡбаз ала, арҭ акомиссрацәа ҳрыԥхьаны иззааз анеилаҳкаалак ашьҭахь
абаагәара аанрыжьырц ргәы реанаҳҵар акәын.
Имам аџьаамаҿы ахәаџьара зуа дреиуаӡам, уи бжьыҭирала ажәлар далырхит азы ажәлар
хадас, ԥызас дрымоуп. Иахьатәи Имам, раԥхьаӡа Гераи ила Вединоҟа ҳанааз иҳацлаз дреиуан,
милаҭлагьы даварын. Узун Ҳаџьы иԥсҭазаара даналҵ, ҿыц Имамк далырхаанӡа аамҭала уи
иусқәа наигӡон, ҳаргьы даараӡа даҳзааигәан, ҳаҭыр ҳақәиҵон. Уажәы Имами ҳареи зыӡбахә
сҳәаз абольшевикцәа раанкыларазы амҩа ҳақәын. Аха аҭыԥ аҿы ҳаннеи абаагәара ааныжьны
ишцахьаз еилаҳкааит. Амҽышаҽны имҩаԥысыз аизараҿы ԥыҭҩык ауаа ҳҿагыланы азҵаарақәа
зҳарҭозгьы ҳцәылырхрц азакәын, аха еиҳагьы иеиӷьхеит, сажәақәа рыла ҳгәаанагара
еилыркаартә иҟалеит, уигьы кыр иаԥсан.
Ҵхыбжьон, асааҭ аказеицш ҽуаҩык иаҳзааигаз ажәабжь излаҳәоз ала, Грозныи
зееидызкылаз абольшевикцәа рыр амҩа иқәлазаап. Уаҵәы ашьыжь абаагәара рнапаҿы
иааганы, ҳаргьы ҳҭакра ргәы иҭазаап. Уажәы ҩ-мҩак ҳаман, ма Ведино ааныжьны ашьха
ҳҽаҳҭар акәын, мамзар абольшевикцәа рымпыҵахалара ҳҽазаҳкыр акәын. Иҟалалакгьы ҳҭыԥ
аҿы ҳаангыларц ҳаӡбеит, ачеченцәа абаагәара адәаҟны ахырӷәӷәарҭақәа еиҿыркааит.
ЛАҴАРАМЗА 3,1920. АШӘАХЬА.
Иаха абольшевикцәа абаагәара рнапаҿы иааргеит. Макьана ҳара иҳаламкьысыц, сгәанала
иҽеим хҭыск ҟалар рҭахӡам. Ашьыжь шаанӡа еиҭа ауаа ҳзааит. Беркок Беи урҭ рацәажәара
дшаҿыз сара абольшевикцәа иреиуаз, издыруаз арԥыск иахь сцеит. Ари арԥыс иаартны
дсацәажәеит. Уи излеиҳәаз ала, абольшевикцәа ҳара ҳганахьала ҽеи ргәы иҭаӡамызт. Иара
иакәзар, еснагь ҳамаҵ аура дшазыхиоу агәра сиргарц азы иажәақәа қьаадк ианҵаны, инапгьы
аҵаҩны исиҭеит. Ҳаргьы ари аҩыза ахымҩаԥгашьа ареспублика анапхгара анаԥаҳцалак
ахәшьара шаҳҭо атәы зҳәо документк Исмаил Ԥашьа инапы аҵаҩны иаҳҭеит.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Кавказ иазку агәалашәарақәа - 4
- Büleklär
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 1Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3470Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 2Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3484Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 3Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 4Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3498Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 5Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3417Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 6Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3434Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 7Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3416Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 8Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3465Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Кавказ иазку агәалашәарақәа - 9Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 839Unikal süzlärneñ gomumi sanı 6680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.