LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Камаҷыҷ - 08
Süzlärneñ gomumi sanı 3603
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2105
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
иҵеибамырӡо, рыӡарақәа, рсарақәа, рҟәарылқәа зҳәаз
иеиԥш еибарҟыжуа ашҭа дырҭәит.
Убри аамҭазы Наҳарбеи иԥацәагьы гылахьан, нас
ҭауади-аамсҭеи, уи иаара заҳаны убра еизаны итәаз
иманы ачара инахатәеит. Акраамҭа ачара иахатәан.
Наҳарбеи урҭ ааныжьны ачара днахыҵын, ихәы аазгаз
ауаа рыдкылара дналагахт.
Ашьыбжьышьҭахь урҭ рхыԥхьаӡара анмаҷха, Там
шьаа рысҭаршын дааиԥхьан, ус иеиҳәеит:
— Ажәлар абра асоф иадчыланы игылоу шәнаскьаааскьа ҳәа нараҳәаны, Тамшьаа рымацара абра исзеизга,
ажәақәак расҳәарц сҭахуп, снарацәажәашт.
Асҭаршын ибжьы рыӷәӷәаны, — Дадраа, абра асоф
иадгылоу ажәлар, хәыҷык наҟ шәнадҵ, Тамшьаа ирышәҭ
абраҟа аҭыԥ, Наҳарбеи ажәақәак реиҳәарц иҭахуп! –
иҳәан, атәымуаа наҟ инаскьа-ааскьеит.
Тамшьаа даарыԥхьан, асоф ааигәа инагылт. Наҳарбеи
урҭ рахь ихы наирхеит:
— Дадраа, ишәыдысныҳәалоит аныҳәа ду мшаԥы!
Аҟәантәи сааит шәызбарц, шәара шәбара есқьынгьы
сеилаҳауеит, аха шықәсык ала ԥшьынтә-хәынтә реиҳа
сзаауам, аха сымам. Шәара шәбара сара даара сеилаҳа
уеит, аха сара сбара уиаҟара шәамеилаҳауазаап, шәамеи
гәырӷьозаап...
Асҭаршын Кьагәа ибжьы ааиргеит:
— Уи шԥазыҟало, Наҳарбеи, ухаҵкы сцеит, уара убара, амшаԥ еиҳа ҳаигәырӷьеит, убарҭа ҳаибамҭо уаԥхьа
ҳгылоуп.
— Ус шәыҟазар, абар уажәы ишәасҳәап: уажәы аакьыс
кьа сара сарендаторцәа34 аӡәы ицә рӡеит. Изӡада ТамАрендатор — аӡәы имазара (адгьыл, аҩны уҳәа) аамҭала
имхны, уи ала зхы ныҟәызго (иааирыхыз хәҭак изтәу иҭаны)
ауаҩы ихьӡуп. Анхацәа, адгьыл зыцәмаҷыз ма зынӡа измамыз,
аамҭала иқәаарыхуан ҭауади-аамсҭеи рыдгьыл. Иахьықәаарыхуаз
азы иршәон адгьыл аҽаҩра иаанашьҭуаз ахьынтә хԥарак ма
ԥшьбарак.
шьтәхап, абратәхап, уаҳа изӡодаз? Сара сышәҭахызар,
сарендаторцәагьы шәҭахызароуп, шәрыцхраауазароуп.
Уимоу, шәара ирымоугьы рцәыжәгоит. Сынтәа уи дыз
лацәаӷәозеи? Амла дыншәырҵәоит шәара убри ауаҩ...
Уара асҭаршын, уеиҳабацәа унарыԥхьаны, инеилартәаны,
убри ауаҩ ицә зӡаз иқәнаго дақәшәыршәа, ацә ахә ир
шәаны изцәиӡаз ишәҭ. Абри аус абра сшыҟоу шәалга.
Сара сцар, дышәхашҭыр ҟалап, даҽазны цәажәатәыс
исышәҭоит. Шьҭа, асҭаршын, аиҳабацәа унарыԥхьаны
ига ашәшьырахь.
— Наҳарбеи, ухаҵкы сцеит, — иҳәеит асҭаршын,— уара
уарендаторцәа ҳара ҳарԥырхаганы ҳәа зыҟалаӡом, ҳзыр
мыцхрааргьы, акгьы рцәаагом, аха аӷьычра рацәаӡоуп,
ҳқыҭан акака зцәырымӡаз ҳәа аӡә дыҟам. Аӷьычцәа
ҳаимырҵәеит. Узҿу ацә иахьа аҭыԥ иқәаҳҵап, аха ҳара
зегьы ҳуҳәоит аначальник уҳазиацәажәарц, абри аӷьычра
аҵыхәтәа ԥҵәаразы. Уи иҭаххар, аӷьычра абӷьааҳәа ир
цәоит, акәтаӷь былгьо иҟаиҵоит...
— Ари аус шәара аҭыԥ иқәышәҵа, сара нас аначальник
сиацәажәап, ԥсыхәак зламоу ала дныҟәаратә са дҟасҵап,
— инақәиргәыӷит Наҳарбеи.
Асҭаршын аиҳабацәа иманы дналҵны, шәшьырак
аҿы инаиртәеит.
Аиҳабацәа ацәыӡ змоу арендатор абрахь уааиԥхь ҳәа
иарҳәеит асҭаршын.
— Мамсыр, уара уизҵаа, кыр идыруазар ирҳәа, —
рҳәеит итәаз аиҳабацәа.
— Дад, Андриа! Абарҭ абра итәоу аиҳабацәа уҳәоит,
уцә зӡаз дудыруазар, ма хәыҷӡак гәҩарак умазар, аӡәы
уицәымшәакәа, уицәыԥхамшьакәа абра иҳауҳәаразы.
Уара уӷьыч уара дуҵәахыр, ҳара акгьы зхараӡам ахә
иҳаршәоит ҳәа ҳналагар, дук иаамысҭашәам ҳара ҳзы,
уара узы даара иԥхашьароуп, уара уӷьыч дшудыруа, уи
уидгыланы, дҵәахны, егьызхараӡам уцә ахә иуршәар.
Наҟ-наҟ иаргамамхар ҟалашам, мышкы уи ацә ахә зхар
шәо идырыр, уара узы дӷаны дҟалашт. Убри аҟнытә абра
итәоу аиҳабацәа зегьы ҳуҳәоит имӡакәа, иҵамкыкәа
аҵабырг ҳауҳәаразы, — иҳәеит Мамсыр.
Андриа даацәажәан:
— Анцәа абзиара шәзыҟаиҵааит, дадраа аиҳабацәа,
иаԥсаӡамкәа цәкы аҵыхәала аныҳәа аҽны шәтәаны
убри зӡада ҳәа аԥшаара шәаҿуп. Абарҭ зегьы снапала
шәысшьуеит, убри зӡаз ҳәа аӡә дыздыруазар, амала аӡәы
игәнаҳа сықәсҵар акгьы иаԥсам, — иҳәеит.
— Угәылацәа, арендаторцәа, иӷьычуа ӡәыр дыҟоума,
ма аӷьычра зыхнаҳәаахьоу? — ҳәа дизҵааит Мамсыр.
— Ишԥаҟам, арендаторцәа рахьтәгьы иӷьычуа ды
ҟоуп, аха абри иӡеит сыцә ҳәа ззысҳәаша аӡәгьы дсыздыруам, — иҳәеит Андриа.
— Ибзиоуп, шьҭа уца уҩызцәа рахь. Ма аӷьыч
дҳаԥшаап, ма утәы ахә уаҳҭап, ак ҟаҳҵап, — иҳәеит Мамсыр, Андриагьы дҩагыланы дцеит.
Нас аиҳабацәа аилацәажәара иналагеит. Аха акраамҭа
баша ицәажәон, абри иӡеит ззырҳәарыз еиԥш уаҩы
дрымбеит. Нас, Никәала шәааиԥхьеишь, рҳәан, Никәала
дааргеит.
— Мамсыр, абригь унаиацәажәа, — рҳәеит, аха Мамсыр
— Қәаблыхә диацәажәааит, — иҳәан, уи инаидиҵеит.
Қәаблыхә даацәажәан:
— Дад, Никәала, уара уҷкәыноуп, аха ахьӡи-аԥшеи,
ахьӡи ахьмыӡӷи уҳәа уара даара бзиа иудыруеит. Уаб,
иԥсаҭа бзиахааит, убригь ахьӡ иашьҭаз уаҩын, убри
иеиԥш аҭаацәара иалҵыз уаҩуп уара. Ҳазуазҵаауа аус
азы акы иухароуп ҳәа акәым, уара ҳазузҵаауа мҩакы
ҳақәуҵап ҳәоуп. Абра Андриа, Наҳарбеи дуӡӡа иарендатор, ишуаҳаз еиԥш, ицә рӡеит. Изӡаз даҳзыҵымхит, атәы
зтәыз гәҩарас аӡәгьы имам, ҳара аӡәгьы ҳзымԥшааит,
атәы зтәу ицә ахә иаҳҭароуп. Изҳаршәо дҳаздыруам. Уара,
изааӡозеи, аӷьычра иашьҭоу уаҩуп, шамахада, аӷьычцәа
зегьы удыруеит, убри азоуп уара ҳазузҵаауа. Сара иуасҳәо
хьымӡӷыс иумԥхьаӡан, иӡазар, абри иӡеит зугәахәуа
аӡәы иӡбахә ҳаҳә, уи сҳәеит ҳәа, убригь дымԥшаакәа акы
иҳаршәом, — рҳәеит. Никәала даацәажәан:
— Анцәа абзиара шәзыҟеиҵааит, даара ажәа бзиа, ажәа
ԥшӡа сашәҳәеит, сара саԥсаӡамкәа. Ацә зӡаз абарҭ шәара
ижәдыруаҳа, саргьы исыздыруам, саргьы исымӡеит, аха
шәмыруадаҩхаразы, аџьабаа мыцхәы шәымбаразы, ахә
сара исшәандаз сҳәо сҟашәҵеит, абарҭ зегьы шәымсааит,
унадгыланы убри ацә ахә шәа ҳәа сашәҳәозар, иахьаҵә
ҟьа Андриа ицә ахә исҭоит, — иҳәеит.
— Узшаз уисасуп, иухарам акы ахә шәаны аӡәы иҭ ҳәа
шԥауаҳҳәои! — рҳәеит уа итәаз аиҳабацәа,
Убри ашьҭахь Ӡыкәыр иааиԥхьан, убригь Никәала
иеиԥш иниацәажәеит, аха убригь егьи изымдыруаз еилыркааит.
— Шьҭа дара рхала абри аус еимҵаркуа иалагеит, аха
акаҿы изымааит. Ашьҭахь, ԥсыхәа анамоуӡа, ақыҭан иҟоу
аӷьычцәа, аӷьычра зыхнаҳәаахьоу, ашәҟәы ианҵаны
ирымақәоу, ацә ахә шаны ирықәырҵарц рҭаххеит. Аха
абраҟагьы аимакқәа роут аиҳабацәа.
Аӡәы иара ихәыԥҳа, иуа иқәымшәаразы ацә ахә
ахьыршәо, насгьы ӷьычс ҳәа дырҿыцны ашәҟәы даным
ларазы, дидгыло далагеит, уи акыр ҵуеит аӷьычра их
намҳәааижьҭеи ҳәа.
Даҽаӡәых — иашьа иԥа ихьӡ уаҟа аӷьычцәа зныз ашә
ҟәаҿы даацәырҵит.
— Уи, усҟан ашәҟәы дананырҵозгьы, гәаӷшақә, са
сыҟамзаара иақәыршәаны данырҵеит акәымзар, ашә
ҟәанҵара иқәнагаӡомызт. Убрижьҭеи дӷьычит ҳәа уаҩы
имаҳаӡацт, — иҳәеит.
Убас аиҳабацәа руацәа аӷьычцәа ашәҟәы ранҵара
еимакуа акраамҭа иадхалеит, егьырзыҟамҵеит, аимак
рацәаны ироут. Нас Наҳарбеи иаҳар, игәы иалсуеит,
рҳәан, изықәнагозгьы изықәнамгозгьы ашәҟәы ианырҵо
иалагеит. Нас дырҩегь урҭ реилыхра, реилыԥшаара,
рхыркәшара еиҭаналагахт.
Убри аамҭазы Наҳарбеи иԥацәа, Сааҭи Чагәи, хазы
ашәшьыра иҵатәаны асамырҟәылҳәара иаҿын. Урҭ
рахьтә Чагә амцҳәара, аҽхәара ԥыҭк идыруан, аха ирԥш
ӡаны, наҟ инеиҭауҳәартә иҳәон. Уара дужьаргьы, дгәаа
ӡомызт. Ала дуқәа ҩба иман, рдура анаҩсгьы даара ла
ԥшӡақәан.
— Чагә, арҭ улақәа рыԥшӡарада ирылоузеи? —
дизҵааит уаҟа игылаз Камшьышь.
— Арҭ слақәа абгадуқәа ркуеит. Убри азоуп рыхәда
ахәыдхаҵа ҟьаҟьақәа — аџьазтә хәыдхаҵақәа зырхоу.
Абгаду анырклак, рыхәдоуп ԥаса иззыҩуа иахәарырц.
Ахәыдхаҵа урҭ ахьчоит...
— Нас ус акәзар, абраҟа абарҭ алақәа умоуижьҭеи
даара крааҵуеит, бгадук моу, бгахәыҷыкгьы ркит ҳәа
ҳмаҳаӡацтеи, — иҳәеит Камшьышь.
— Абнахь шәарыцара ҳара иҳамгеит, дара рхала уахь
имцеит, абгақәа абрахь аҩныҟа имааит, — иҳәеит Чагә. —
Алақәа рҭыӡшәа анышәҳәа, ҳара ҳамаҳәк Бзыԥ аӡы ахы
қәан дынхоит, убри имоуп лақәак. Урҭ алақәа реиԥш ла
Аԥсны аӡәы имам. Уажәы аакьыскьа алақәа уаҟа аҳҭны
ашҭаҿы иштәаз, инаԥшны ирбеит Лӡаа ацәымзаркыра
инаҩсны Гагра шыҟоу мшынгәыла аӷба ицоз. Инаԥшны
ари анырба, иҩаҵибарҟьан, инашьҭалт, иаарласӡаны
агаҿа инкылст, уаатәи абӷьааҳәа амшын рҽынҭарыжьын,
уи акәхеит. Ашыр-сырҳәа иӡсо аӷба инахьӡаны, аԥхьа
иҩагылан иааныркылеит, ирмышьҭит, еишуа иалагеит.
Абри зеиҳәоз зегьы, ишымцыз рдыруан, аха аччара
иаҿын.
— Нас ҳамаҳә ҽыла агаҿа дықәгыланы алақәа дрыԥхьодрыԥхьо мацара, аарлаҳәа иаҟәыхны агаҿахь иааигеит,
аӷбагьы нықәланы амҩахь ицеит, — иҳәеит Чагә.
Уигьы шымцыз рдыруан, аха даара иссиру лакәзаап,
рҳәан, иџьаршьазшәа рхы идырбеит.
— Уажәы, Сааҭ, ажәабжьк ҳаҳә, уаргьы иудырлон ажәа
бжьқәа, — рҳәан, уа игылаз Сааҭ иахь рхы надырхеит.
Чагәгьы, ажәабжьк ҳаҳә, иҳәеит, ари Сааҭгьы цәгьаӡа
амцҳәара здыруаз уаҩын. Сааҭ даацәажәан:
— Сара ажәабжь сыздырӡом, аха Чагә, ухаҵкы сцеит, азауад ҽдуқәа умоуп, ала дуқәа умоуп, уара зыхкы
умам ҳәа акы ыҟам, ачақәа зкуа ацгәы умоума? — ҳәа
дизҵааит.
— Мамоу, уи еиԥш цгәы сымам, — иҳәеит Чагә.
— Сара исымоуп цгәык, аӡын ԥыҭрак иаанагом акәым
зар, ааԥын, аԥхын, ҭагалан, зны-зынла аӡынгьы ачақәа
кны иаанагоит. Ҽнак, ачақәа анырацәоу, шәкы-ҩышә кны
ианаанаго ыҟоуп, ианмаҷу — жәаба, жәохә, ҩажәа аанагоит. Аиҳарак иџьоушьаша, иашьышам, аԥсы шҭоу, џьара
ажьы цәымҟьаӡакәа иааганы иунаркуеит, — иҳәеит Сааҭ.
Уаҟа игылақәаз зегьы аччара иалагеит. Ара еиҳарак
изырччоз, Сааҭ амц шиҳәоз рдыруан азоуп, Чагәгьы аччара даҿын.
– Убри еиԥш ацгәы умазар, иааганы исырба, исуҭаргьы
даара иуџьысшьоит, — иҳәеит Чагә.
— Иусҭап, аха иҭакны иумамзар, иаауушьҭыр, ибнамлар ԥсыхәа амаӡам, — иҳәеит.
— Ус акәзар исҭахым, — иҳәеит Чагә. Убас амш гауа
итәан Наҳарбеи иԥацәа.
Убри аамҭазы Наҳарбеи уаҟа аӡәы дынизҵааит: абна
итәоу аиҳабацаа иҟарҵозеи ҳәа. Дзызҵааз аҭакс ус иеи
ҳәеит:
— Аӷьычцәа уҳәа, аӷьычра зыхнаҳәаахьоу зегьы ашә
ҟәы ранҵара иаҿуп, ацә ахә шаны ирықәҵаны, ацәыӡ зауз
итәы ахә ирҭаразы. Насгьы убраҟа ашәҟәы ианырҵеит
Мырзаҟан, Кәасҭа, Нестор, Шьмаф уҳәа зегьы, уажәы
ацә ахә зшәо ирылаҵаны иддыршәашт, насгьы уаргьы
иуарҳәеит, Наҳарбеи, ухаҵкы сцеит, ҳқыҭан аӷьычра
бааԥсыла иҟоуп, аки-ҩбеи зцәымӡыз аӡә дыҟоуп ҳәа
сгәы иаанагом; хылаԥшҩык даар, ацәыӡ зауз ртәы ахә
роуааит, иҳәар, урҭ аҷкәынцәагьы убраҟа иналанакуеит,
урҭ ихҵәаз аӡәы иҩызахеит...
Арҭ аҷкәынцәа аԥшьҩыкгьы Наҳарбеи ииҭахыз
ҷкәынцәан.
Абри еиԥш ажәа аниҳәа, ԥыҭрак дхәыцуа дгылан, нас
уцаны урҭ аиҳабацәа арахь уаарыԥхь ҳәа еиҳәеит абри
еиԥш ажәа иазҳәаз ауаҩ.
Уи дцеит аиҳабацәа рахь. Абраҟа аиҳабацәа аимак ду
рыман: зуа ашәҟәы данырҵаз данызҵаз изы даӷьуеит.
Насгьы уи даагьежьны иуа данызҵаз иуак иӡбахә ҳәаны
ашәҟәы даниҵоит. Уи еиԥш аус егьи, зуа данырҵаз,
даргәааны, аӷьыч дирқьиоит: уи анкьазны аӷьыч ихьӡ
заргьы, уажә аакьыскьа акы иӡеит ҳәа уаҩы имаҳацт,
анкьа, зынтәи ҳәа ҳалагар, уара ууа иакәым, ухаҭагьы
уаныҷкәыназ аӷьычра ухнаҳәаахьазар ҟалап, ус акәзар,
уаргьы ашәҟәы уанҵатәуп ҳәа еиҳәеит.
Убас хәыҷы-хәыҷла аицәҳараҿы инеибагарц егьры
гымкәа ишыҟаз, Наҳарбеи дшәыԥхьоит ҳәа уаҩ днеит.
Зегь, нагылан, уахь ицеит.
— Иҟашәҵазеи, аӷьыч дшәыԥшаама? — иҳәан, дрыз
ҵааит.
— Аӷьыч даҳзымԥшааит, аха ацә ахә аӷьычцәа ишаны
ирықәаҳҵеит...
— Егьоурым, шәаҟәыҵ, даҽазны аӷьыч дыԥшааны ацә
ахә иршәаны, ацәыӡ зауз ишәҭ.
(Ас зиу иуацәа — аамсҭцәа — ахьаланакыз азоуп.) Аи
ҳабацәа абри азы даара иҭабуп ҳәа иарҳәеит.
— Асҭаршын! Ажәлар еимпааит, аха ирылаҳәа, ампыласра зылшо уаҵәы абра сашҭаҿы еизааит, ампыл иаслааит.
Асҭаршын Наҳарбеи иажәа ҩбеитәуазма, ажәлар еизаны иҟаз зегьы ирылеиҳәеит. Шьҭа ҳәара аҭахым уаҵәы
абра ампыласра ду ҟалашт.
Ажәлар аимыҵра иалагеит, ҽыла-шьапыла уҳәа. На
ҳарбеи днеиааиуа асоф дықәгылоуп; уаҟа имаҷымкәа
ҭауади-аамсҭеи гылоуп, асамырҟәыл рҳәоит. Ибацәа,
ихәаагацәа ишаац иаауеит: џьоук цоит, џьоук аауеит,
ҵыхәаԥҵәарак рымаӡам.
Абраҟа аҳҭны ашьҭахь, аӡыхь ду ыҵҩырны инеиуа
ахықәан еиҵҳәаны игылоу амаҵурҭахьтә игоит ҵы
хәаԥҵәарак рымаӡамкәа еибархьусууа асарақәеи аӡа
рақәеи рыбжьы. Нас цқьа иманшәаланы ирызмырхәаз
аҟәарылқәа, арбаӷьра уа, аки-киҳәа рыбжьқәа гоит.
XXII
АМПЫЛАСРА
Амшаԥаҽны Наҳарбеи иаҳҭны иеизаз ҭауадиаамсҭеи ауха зегь уаҟа иаанхеит, уимоу, уи аҽны
изымааз ӡәырҩгьы ауха инацлеит. Ицәажәо иахьтәаз
ажәеи-ажәеи шеихырҳәаалоз, уаҵәтәи ампыласра атәы
ахь ииасит. Уи ҽеины, ахы аҭаны ишыҟарҵашаз атәы
шьҭырхит.
Уаҟа иҟаз арԥар еилҟьақәа ҩыџьа Ҭаҭласҭани Алмеи иаарыԥхьан, рнапы ианырҵеит ҭыԥҳа лԥакгьы
даанмыжькәа ажәлар еизыргаразы, иҽеины ахы аҭаны
ампыласра еиҿыркааразы. Нас асамырҟәылҳәара еиҭа
налагеит. Наҳарбеигьы ииҭахыз убри акәын, иаргьы
мыцхәы дсамырҟәылҳәаҩын.
Убри аамҭазы араԥ ԥҳәыс Фатма Наҳарбеи днаидгылан, лыбжьы дук инеиҵымхкәа, аха уеизгьы асасцәагьы
ӡәырҩы ираҳауан:
— Наҳарбеи, ухаҵкы, асасцәа рацәоуп, уаҵәы инеи
ҳахаргьы ҟалоит, аҩы ҳазхом, ишудыруеиԥш абра Тамшь
ақыҭан аҩы змоу ҳәа аӡәгьы ыҟам ҳара ҳазхара зылшаша. Гәдиа идәқьан аҟынтә ишаагоз, уажәы зқьи хәышә
рҟынӡа мааҭ ауал ҳақәуп. Шьҭа иахьааго сыздырам, —
ҳәа иалҳәеит.
— Сара сыхьӡала уаҩ дизышьҭ, аҩы, анаҩс иаҳҭаххаша
акрыҟазаргьы, идаарга, — иҳәеит.
Нас итәақәаз инеимда-ааимдо Гәдиа иҭыӡшәа аҳәара
иалагеит.
— Абри Барганџьиа Гәдиа ҵара имамкәа, акы, ҩбагьы
аԥсуа уаҷар ҳәа Аԥсны уаҩ даныҟамыз аамҭазы абри
дуаҷар духа дызлаҟалазеи? — иҳәеит Хьрыԥс, дахьтәаз.
— Дуаҷар ду моу, «второи гилди кәпецуп»35, — иҳәеит
Алеқсандр.
Иџьашьо акраамҭа абри иалацәажәон.
— Наҳарбеи, ухаҵкы, абри Ҵҟәыргьыл убна иуҭииз,
афранцызқәа иаархәаз, даара бна дуун, бна бзиан, нас
уи аазхәаз изаралхеит, рҳәоит, ишԥаҟалеи? — иҳәан,
ажәаны иаацәыригеит Беслан.
Нас зегьы, убри иазҵаарц ргәы иҭеижьҭеи крааҵуаз
шәа, алацәажәара иалагеит.
Наҳарбеи зназын днакәша-аакәшо, аҵабырг реим
ҳәарц нақәикит, аха ашьҭахь идырҳәеит.
Барганџьиа Гәдиа... Дуаҷар ду моу, второи гилди купецуп...
— Урыстәыла иахьабалак ауаҷарцәа (ма аҭуџьарцәа), доусы малла
изеиԥшраз ала х-гильдиакны (х-гәыԥкны) ишан. Зегьы реиҳа ибеиаз ауаҷарцәа актәи агильдиа иаҵанакуан. Ароман излаҳәо ала,
аҩбатәи агильдиа аҭуџьар ахьӡ змаз Барганџьиа Гәдиа ида Аԥсны
уаҳа уаҩ дыҟамызт, Наҳарбеи Чачба дугьы Гәдиа иуал иқәын.
Аҵара змамыз ауаҩы изы ас еиԥш амал арҳара, хымԥада, аҟыбаҩ
аҭахын.
— Афранцызқәа сыржьарц иақәыркын, сыбна акгьы
иаԥсамшәа, дара дук иазымгәаҟуашәа исдырбеит. Абна
бна дук ауп, аха аџь бзиақәа маҷуп, ҽнак хәлаанӡа ҳаимдо
ҳалан, аха ҩажәаџьара раҟара аџь бзиақәа, аџь шшапақәа,
ирацәаны еилагыланы иаабеит, акәымзар уаҳа џьаргьы
урҭ иреиԥшыз ҳақәымшәеит, рҳәеит. Акы, сара сыбна
сара исамҳәакәа еимышәымдар акәын, ҩбагьы, шәара
ҽнак хәлаанӡа ҳаимдо ҳалан, аха аџь бзиақәа дук ҳамбеит,
шәҳәеит, сара сыбна ҩымш-хымшгьы ишәзеимдомызт.
Сара ишәсырбап сара сыбна, нас ахә азы ҳаицәажәап,
сҳәан, адырҩаҽны исыманы сцеит абнахь. Хымш аимдара ҳаҿын ҽыла. Озамаҭ иакәын ԥхьагылаҩыс иҳамаз,
уи ашәарыцаҩ бзиа сыбна зегьы даараӡа бзиа идыруан.
Аџь бзиақәа ахьгылазгьы уиаҟара аӡәгьы издыруамызт,
— даҿын Наҳарбеи. — Ҽнак агаҿахьтә — аладахьы абна
ҳалеигалан, акаанмыжькәа зегь ҳирбеит. Адырҩаҽны
аҩадахьтәи ҳалеигалт, иаабахьаз абна иҳамбацшәа
ирҿыцны иаҳирбеит; ахымш раан — амраҭашәарахь ала
ҳалеигалт абна; иаабахьаз, уи аҩымшк ҳазхәаԥшхьаз
аџьқәа, иҳамбаӡацшәа еиҭаҳирбеит. Афранцызқәа моу,
ҳара уи абна цқьа издыруазгьы ҳхы ҭиҟьеит, иҳамбацшәа
ҳҟаиҵеит. Нас уа Ҵҟәыргьыл ҳааит, агаҿа иҟаз аҿы.
Озамаҭ уамашәа рхы шҭиҟьаз анызба, нас сара нап рыласкит. Абри еиԥш ӡыхь Аԥсны иҟаӡам, акы, ихьшәашәоуп,
ишыжәбо еиԥш, ҩбагьы, уи даара ихарҳагоуп: уи зжәуа
шыӡ ихьӡом, кыр чымазарақәа рзы ихәшәуп. Ажәытәӡа
зны ақалақь ду Диоскуриа36 ҳәа изышьҭаз абра акәын
иахьыҟаз, аиҳарак абри аӡыхь азы мацара абра идыргылеит колхаа убри ақалақь. Ҵоуп, Кәыдры аӡгьы абраҟа
иазааигәан, убри аӡгьы рхы иадырхәон; убригь шьхаӡуп,Диоскуриа — иахьа аҵарауаа излашьақәдырӷәӷәаз ала, Диоскуриа ажәытәан Аҟәатәи абаӷәаза зҵазкуа амшын аԥшаҳәаҿы
игылан. Ақалақь абжеиҳарак уажәы амшын аӡаҵаҟа иҟоуп.
Қалақь ҳасабла Диоскуриа ашьаҭа аркын ҳера ҟалаанӡа, афбатәи
ашәышықәса аҵыхәтәантәи аԥшьбарак нахымгакәа.
ихьшәашәоуп, ихарҳагоуп ҳәа расҳәеит. Нас ҳаилаӡеит
аџьқәа рыхә азы. Ахә бзиа сырҭеит.
— Ахәмоу, ахынтәхә рцәугеит ҳәа сыҟоуп,— иҳәеит
Беслан.
— Ахынтәхә сыздырам, аха ахә бзиа рцәызгеит.
Нас уа аӷәхырҭа азауад ҟарҵеит, ҩыџьара-хыџьара
абна аихамҩа ылыргеит. Аусура иалагеит. Аџьқәа зегьы акаанмыжькәа иԥырҟеит, иқәыргеит, жәашықәса
рыҩнуҵҟа даргьы цеит. Изаралхазар, сара исхароузеи, —
иҳәан, иажәа дналгеит.
— Иҵабыргыҵәҟьаны, урҭ уа ашыӡ рмыхьишь? —
дизҵаахт Беслан.
— Ашыӡ рмыхьмоу, ахышықәса раан зегьы неиланажьт, — иҳәеит Наҳарбеи.
Ауха ачара ду руит: ашәа рҳәеит, икәашеит, рқьафқәа
ҟарҵан, ҵхыбжьоншьҭахь инышьҭаланы рыԥсы ршьеит.
Ашьжьымҭан ихәаагацәа еиҭадырҿыцт ихәаагара,
иацы изымааз рацәан...
Ампыласцәа реизгаразы Ҭаҭласҭан аладауаа еизигарц
алада дцеит, Алма аҩадауаа реизгаразы аҩада дцеит.
Ашьыбжьаара кыр шагыз, Ҭаҭласҭан ҽыла раԥхьа дгыланы, аладауаа абираҟ кны, ашәа ҳәо аладатәи агәашә
ду аартны агәараҳәа ашҭа иааҭалан, хамра-хамраны
итәаны ашәаҳәара, акәашара иалагеит. Аланарԥшыразы
аҳәсахәыҷқәа урҭ ирыцаазгьы, уаҟа ирылан, икәашон.
Ԥыҭк аабжьысуан еиԥш, Алма ҽыла раԥхьа дгыланы, ашәа ҳәо, абираҟ кны аҩадауаа агәарабжьара иааб
жьагылт.
— Абаақәа, зан илеиԥшым, шәнеи, шәнарԥыл, рбираҟ
рымхны аҳәынҵәа илашәкәаҳа! — ҳәа арҵәааҳәа ибжьы
наиргеит Ҭаҭласҭан дахьгылаз.
Акәашара иаҿыз рыкәашара нкажьны, еибарҩны
инарԥылт, рбираҟ рцәаагоит ҳәа. Урҭ ус мариала ирыр
ҭозма, уи акәхеит, иааилалт: ҟаарахеит, ҳәҳәарахеит,
уаӷеимшхара, цәгьарак ахьыҟало еиԥш. Еибажәжәеит,
еибакәкәит, аҳәынҵәа илеибажьит. Абри збоз Наҳарбеи
иҩызцәеи иареи рызхара иччеит. Џьоукы агәара иаҵа
хеит, аԥсра иалагеит, аха избода, изаҳауада. Хәыҷык иа
нааихсыӷь, игәарҭан, агәара иаҵырхит. Аха агәара анкаҳа,
ауаа рацәаны иахьықәгылаз аҟынтә жәаҩык ра-ҟара
хәахәа-жьахәа иаҵырхит, ҩыџьа рыԥсы рылшәшәан, ауапа ианҵаны инаганы агәылара инышьҭарҵеит. Нас зегьы, ишынеибакәыз, ашәа ҳәо ашҭа иааҭалан, рыҽшаны,
акәашара, ашәаҳәара еиҭаналагеит.
Камаҷыҷгьы лан длыцны абра дыҟан. Лыкәашарала
ауаа лыргачамкит. ԥшралеи сахьалеи уи илыцназгоз
уа уаҩ дыҟамызт. Лыҿцәажәара зынӡак уаҩ дархагон.
Луаҩышьа уеизгьы ибзиан.Лычаԥашьа наҳәак аҭахымызт.
Иахьа абраҟа уи зегьы длаԥшықәырҵеит. Абраҟа ҭауа
ди-аамсҭеи рыҷкәынцәа аӡә длыцкәашеит, ҩыџьа лыц
кәашеит, зынӡак ргәы дахәаӡеит. Лҽи лкәадыри уҳәа, нас
аҽы шлырхәмаруа атәы, лхысшьа атәы, луаҩышьа атәы
зегьы инеимда-ааимдо уа ҳәатәыс ирыман.
— Абри аԥҳәызба аҭауадреи аамысҭа бзиареи ракәым,
баша аамсҭа хәыҷык диԥҳазаргьы, сеигәырӷьаны сыҷ
кәын дизысҳәон, ҭацас дҟасҵон, аха иабаҟоу, нхаҩык
— ҵлаҳәысҭак диԥҳауп акәымзар, — иҳәеит Иуана
дахьтәаз.
— Иуана, уара узҿу Алиас иԥҳа лоума? — ҳәа дизҵааит
Хабыгә.
— Ааи, убри лоуп.
— Уи ссирк лоуп! Лара дыԥшқаӡоуп, 16–17 шықәса
реиҳа лхымҵуазар ҟалап, уи деиҳаӡам, аха лыхьӡи
лыԥшреи рыла уи ҳара ҳабжьуаа рҿы дыззымдыруа
дызусҭда! Ҭауади-аамсҭеи уи дынхаҩ ҭыԥҳауп ҳәа лгара
хьымӡӷыршьоит, анхацәа рыҷкәынцәа игәыӷьны бҳацца
ҳәа рызлаҳәом. Уимоу, аҵарагьы лымоуп: аурыс бызшәа
лҳәоит, ашәҟәы даԥхьоит, илҩуеит; даара агәырҵҟәыл
бзиа змоу аӡә лоуп, — иҳәеит Хабыгә.
Ари заҳауаз ҭауади-аамсҭеи рыҷкәынцәа аӡәы Ха
быгә иахь ихы наирхан: — Хабыгә, ухаҵкы, уи зыӡбахә
шәымоу аԥҳәызба ҽыҳәҵәыла арԥарцәа заманақәа
ҽыжәҟьҟьа икалыжьуеит, шәақьла ахысразы — ацәҟьара
кыдылԥаауеит...
— Уи дызбзыцәаҳәшьада? Убри Алиас хәыԥҳас имада
ҭауади-аамсҭеи рахь?
— Ҭауадк, аамысҭак ҳәа уи хәыԥҳа димаӡам. Урҭ ибанык дхәарҭаӡам. Уи иуацәа — рписар Леуан, нас Иван, —
иҳәеит уи аҷкәын.
— Ишьапқәа
шәымӷыҵроуп, убригь
дышәзахьмырхәит! Ирахә неизышәцар, нас дгәырӷьаҵәа
аӡәымоу, ҩыџьагьы шәыҩнеидап, иԥҳагьы шьапырӡәӡәаҩыс дныҟашәҵап, шәнапаҿы дҟалап. Мап,
шәара избо акгьы шәаԥсамхеит уи иҿы!
— Ирахә рыхцарагьы хәыҷы-хәыҷла игӡам, аха ус
иаразнак напилакра хәыҷык иуадаҩуп, уи Иван захьӡу
уаалаԥшықәиҵар, нас ацәымҵ ажә шарцәмызкуа еиԥш,
дуцрыҵуам, ак улимыршакәа. Убри илоуп Алиас игәы
злаӷәӷәоу. Уимоу, ирахәгьы ихатәы дамыӷ рниҵо далагеит, ҭауади-аамсҭеи ишыруеиԥш.
— Акгьы шәшаԥсам ибеит азы. «Анхаҩы ирахә ихатә
дамыӷ рниҵо даналага, уи ҭауади-аамсҭеи ирымеикуеит ауп; абӷьааҳәа дахьырхәхароуп, адамыӷ зниҵо ирахә
ицәгахароуп!
Уаҟа итәаз ҭауади-аамсҭеи абри иақәшаҳаҭхеит.
— Ус иҟоу дахьырхәтәуп, дышәмырӷьацароуп шәара
аҷкәынцәа, — рҳәеит.
— Алиас ирахә адамыӷ рынҵарамоу, уажә аакьыскьа
абра рыпап иҳәоны исаҳаит «асоциалистцәа» иҩны
маӡала еизарҭас ирымоуп ҳәа, — иҳәеит Алмысхан
дахьтәаз.
— Еицәоугьы иуп, нас, анхаҩы ихы даауужьыр! —
рҳәеит еицҿакны уаҟа итәаз ҭауади-аамсҭеи. — Аха уеизгьы, ахылаԥшҩы имаҳацкәа дыҟоума абри еиԥш аус?
— ҳәагьы нацырҵеит.
Убри еиԥш аамҭазы еизаны ашҭаҿы итәаз рахьтә уаҩ
дааит, изыҟалозар, Наҳарбеи иҩызцәа иманы абрахь асоф
даақәгылааит, ма абрахь ашҭа агәҭахьы: ашәшьырахь
дналбааит, ампыласра иалагоит ҳәа.
Наҳарбеи даара бзиа иибоз усын ари, абӷьааҳәа дҩа
гылт, иҩызцәа иманы асоф аҿы днатәеит. Ампыласра
иналагеит ладеи ҩадеи ҳәа.
Аладауаа рзы еимҵакьачаҩыс Лаз днықәдыргылеит,
аҩадауаа рзы — Сабыда.
Аимҵакьачаразы акраамҭа ампыл хара имцеит,
иреибарӡомызт аимҵакьачацәа, шьамхылагьы рыгәҭа
иалганы уаҩы изымгеит. Ашьҭахь ианеидшылаӡа, Лаз
аркьыл дасын, амбаҟынӡа инаӡарц егьаагымхеит. Аха
уаҟа имԥыхьашәеит аҩада изгоз аӡәы, иманы дкәалаауа,
дкәараҵо иҿынеихеит. Ажәлар цәгьаӡа еилирхааит. Зны
аҩада дцо, зны алада дцо, ус дышнеиуаз, Дӷамшь аӡы
дынхықәырцалт, иаҳа иахьыӡмыжьраз. Аха аӡмыжьразы
даанҿасуазма, дууаӡа дыԥан дналаԥалт. Ишьҭахь инеиуазгьы аанҿасуазма, агәгәаҳәа зегьы аӡы рыҽналарыжьит.
Зегьы аӡы иҭеибагәеит. Ампыл зку уаҩы диздырам.
Аладатәқәа аҩадауаа ҵаадырҟәрылоит, аҩадатәқәа
аладауаа ҵаадырҟәрылоит. Урҭ зегьы аӡы рыдчыланы,
ирыхан алада иарҳәазеит: мышцәгьашьҭахьын, аӡы
дуун.
Аӡы еибаршьуеит, рҳәан, иаанхазгьы аӡахьы еихеит
ирыхьыз аабоит ҳәа.Рышьҭахь инеиуаз урҭ инарыгәҭасын,
аӡы иналарыжьт. Убас аӡәи-аӡәи неигәҭасуа, шамахада
акәымзар, зегьы уахь иалеибажьит. Ари збаз аҳәсақәа
арҵәаа-сырҵәааҳәа инеилалт, аӡы еибаршьит ҳәа. Уаҟа
итәаз ҭауади-аамсҭеигьы ирцәымӷхеит ари иҟалаз.
— Осман, Кьагәа, Гәаџьа, шәцеишь! Аӡы еибамыршьааит урҭ амдырқәа! — рҳәан, идәықәырҵеит.
Убри аамҭазы ампыл зкыз маӡала, аӡы иҭеибагәаз
днарылҵын, аӡнырцәала дкәалаауа аҩада ихы рханы
иҿынеихеит. Ус уи даагәарҭеит, аладауаа нырцәҟа аӡы
зыԥсы ырызгаз урҭ уи инеишьҭалт. Аарцәҟа уи дызбазгьы амҩа изкны даҳкуеит ҳәа аӡы рҽалажьны нырцәҟа
ирит. Ирулакгьы ирԥылаз уҳәа, ишьҭаз уҳәа амба иазиашаны днаӡаанӡа дыркит.
Убри аамҭазы ԥыҭрак иааихсыӷьт ампыласра. Рыма
ҭәақәа дырҩан, еиҭаршәырҵеит, ԥыҭракгьы рыԥсы
ршьеит. Нас еиҭадырҿыцт рымпыласра.
Дырҩегьых Лаз инеиқәырццакны ҩынтә-хынтә раҟара
ампыл ирманшәаланы днасын, амбаҟынӡа инеишьҭразы
егьааигымхеит.
Нас аҩадауаа неибарҟааит.
— Ҳаимҵакьачаҩы хәыҷык дкәадашәа даабоит, Лаз
есқьынгьы ампыл дицәасуеит, лабала ицәаиргоит! —
рҳәан, уи дыԥсахны уи ицынхәрас Лагәсҭан дықәдыргылт.
Уажәшьҭа Лази иареи еибакапануа иалагеит. Абраҟа зегь
реиҳа иџьашьатәыз — ампыл еимҵазырсуаз иџьбарара,
ихымшаҭара акәын. Аҟьеҩҳәа уи дзынҟьоз аӡәымкәаҩыџьамкәа еизҟьа икаижьуан, ԥыҭрак рхы иахәарҭамкәа
иҟалеит уҳәартә.
Зны-зынлагьы уи ампыл зку, ауаа кажьуа дышнеиуа, дышьҭҟьаны, дкәымпылуа данкаҳауаз ҟалон, зныхгьы еинҟьоз шьҭахьла ишьҭҟьаны рыгәқәа хаххала, уа
ишьҭахап, изгыларым уҳәартә икаҳауан.
Даҽазных уԥшыр, ампыл зку иҩызцәа хәҩык-фҩык
инеиҳангьы дрыбжьаргыланы, ицхрааны, аҽыҩ ианахо
еиԥш, дымҩаргарц дандәықәыргалоз ыҟан, рҩызцәагьы
амала игылазма? Урҭ ирыцхрааразы, рҿагылацәа ирыгә
ҭасны ампыл зку рҩыза амҩа ирҭаразы урҭ ҵысуан.
Рҿагылацәагьы баша иԥшызма? Раԥхьала-рышьҭа
хьала ампыл згоз ирыжәлон амҩа рырымҭаразы, ампыл
зго дыркразы; абас зегь еиҿаҳауан.
Шьҭа абраҟа инаԥшуаз уаҩы изеилыргомызт ампыл
згои амҩа изызкуа-измыргои. Аҟьеҩ-саҩҳәа икыдиҟьон,
жәаҩы-жәаҩыла еинҟьаны, ргәы хаххала икаибажьуан.
Абри збаз Наҳарбеи иҩызцәеи иареи даара ргәы иахәон,
еибарччон.
Абас ампыл иасуан амра аҭашәарахьы инеихаанӡа,
аладагьы аҩадагьы ампыл уаҩы изымго. Ашьҭахьӡа Лаз
уеизгьы лабала иаиргеит, аладауаа аиааит. Абарҭ ан
хацәа рахь знапы ҭԥаз дубап, зшьапы ҭԥаз дубап, аха урҭ
рыгәхьаа зкыдаз, аҭауад ду урҭ дагьрызхьамԥшит.
— Уҵх аабзиахааит, ҽааны уажәаангьы уеибга-узҩыда
анцәа уаҳирбааит! — рҳәан, инагьежьын, рыҩнқәа рахь
амҩа инықәлеит.
XXIII
КАМАҶЫҶ ЛҲӘАРАЗЫ АРԤАРЦӘА НАЛХЬЫԤШУА
ИАЛАГЕИТ
Ампыласрахьтә ианыхынҳәы, адырҩаҽны шьыжьӡа
Рафида лыԥҳал лыжәҩа инықәыргыла, Алиасраа
ргәашә днадгылан, лыбжьы налыргеит Есма ҳәа. Есма
даадәылԥшын, Рафида лыԥҳал даҵа агәашә аҿы дышгылаз анылба, аӡахьы ацаразы шакәыз лдырын, ларгьы
лыԥҳал аашьҭых уахь лҿыналхеит. Аха иџьалшьон ас Рафида шьыжьымҭанӡа аӡазы лаара.
— Рафидахеит, иаха амгьалмҵаа ыфаны бышьҭалазу,
шьыжьӡа аӡахьы бдәықәлеитеи быԥҳал бхарззала! —
лҳәан, Есма Рафида асамырҟәыл аалылхит.
— Иҵегь шьыжьы сахьымааз уамашәа ибымбои, уимоу, бара бырҿыхара сацәаашьеит, акәымзар шаанӡагьы
саауан, иаха сыцәа џьыбшьоу...
— Иҟалазеи, бызмырцәашаз ибыхьзеи, ахәыҷқәа ӡәыр
игәы бзиамзу, мамзар аӡқәа быцҳау?
— Ахәыҷқәа хар рымам, аӡгьы смыцхаит, аха иацы
убра аизараҿы ажәақәак аӡәы исалҳәан, убри бара
ибасҳәаанӡа, сыԥсы сымхарацәахан, иаха сызмыцәаӡеит,
убри сшазхәыцуаз...
— Иҟалазеи, ибаҳазеи ус ажәасы, бамырцәаратә
еиԥш? — лҳәан Есма, ус алаӷьара инҭалан, аӡыхь аҿы
инеит, ишеицәажәоз.
Уаҟа рыӡқәа ртан, рыԥҳалқәа наргыланы, рҿы-рнапы
ӡәӡәаны инатәеит. Ус, аӡаагацәа аҳәсақәа аӡха ишырулауа еиԥш, Рафида лажәа еиҭалырҿыцит. Есмагьы абри
илҳәо саҳандаз ҳәа цәгьа дазгәаҟуан.
— Уи аԥҳәыс исалҳәаз ажәа дназхысыз-дназҵысыз
зегьы абра исҳәоит ҳәа сналагар, акраамҭа сагоит, убри
аҟнытә абра иааркьаҿшәа ибасҳәап убри, цқьа бназхәыц.
Нас ҳаиҭеибабоит, абра ҳаҟами, ибасҳәап инароуны...
Абри сымыш Камаҷыҷ лҭыӡшәоуп сызлацәажәо...
— Унан, џьбеит, закәызеи исабҳәо! Цәгьарак уи лзы
ӡәыр кыр балҳәама?
— Ацәгьара лҟәыблаауп, уи лзы ацәгьа зҳәо, араҩа ихы
аниҟьааит, аха ибымдыруеи, знык аҭыԥҳара лҽыназылкуа
дналагар, илаҭәоугьы илаҭәамгьы леиҽырбо иалагоит,
иатәалымбаз — уи лзы бзиарак иҳәашам, — зегьы ргәы уи
илзыҟаҵарым. Иацы, уа аизараҿы, лыӡбахә зымҳәоз ҳәа
ҩыџьагьы ыҟамызт — анхацәа рыҷкәынцәа ракәзааит,
ҭауади-аамсҭеи рыҷкәынцәа уҳәару, зегь убри лыӡбахә
рыман, лыԥшӡара-лсахьа, лычаԥашьа, луаҩышьа, насгьы
лыкәашара зегьы иџьаршьон. Анцәа иџьшьоуп уи иацы
ҽыла дахьымнеиз — зегь рыблақәа уи иҭнахра иҟан... Уи,
сылашара, шьҭа дҭыԥҳауп, «аҭыԥҳаи акәац жәи» — рҳәоит.
Акәац жәы акраамҭа ишузымҵәахуа еиԥш, аӡӷабгьы
данҭыԥҳахалак акраамҭа лырԥшра акгьы иаԥсам: аӡәы
дирҽхәашт, даҽаӡәы дирџьашт, ажәлар рҿы уаҩы изкуам. Егьызлаӡам акы лыпату бжьихыр ҟалоит, нас акгьы
даԥсам. Иаҳҳәап, аҵәца ԥҽызаргьы, хәыҷык ихәашьны
аӡы ҭаҭәаны аӡәы иблыркыр, егьа бӡышозаргьы, ажәра
дук ибгәаԥхом. Убри азоуп «аҭыԥҳаи аҵәцеи» — зырҳәо.
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп, аҭыԥҳа, — абзиаразы акәзааит,
ацәгьаразы акәзааит — ажәлар ҟаҟатәыс дроур, хаирк
лбом...
— Рафида, шьҭа иҳәеишь быззааиша! Камаҷыҷ
лыцәгьа рҳәоны џьара акыр баҳама?
— Ишԥазыҟалои уи лыцәгьа рҳәоны, уимоу, мыцхәы
ддырҽхәацәоит. Макьа дышдырҽхәо ахьӡи-аԥшеи шлымоу ҷкәынк, лара илаҭәоу аӡәы димазар, лара лзынгьы
насыԥ бзиоуп, шәаргьы ԥара шәзиурын...
— Рафидахеит, уи бҿы изҳәаз хьыла иҭәааит, убри
еиԥш аҷкәын бзиа дабаҟоу, акәымзар иахьа-уаҵәы ҳәа
ҳаԥшӡомызт, абри абраҟа бара ибҳәаз ҳаргьы ҳрыз
хәыцуеит. Макьана ҳаӡӷаб дыԥшқоуп, дыҵәрышкәаӡа
уажәоуп даныҩагыла, аҭыԥҳара дазаҳкуам, аха ацәыгь
хәыц злоу аӡәы дымҵарсны дигар, ларгьы дразҟыдахоит,
ҳаргьы ҳаԥсы ҭаны гәы ҳмоуа ҳҟалоит, ишыбдыруа еиԥш,
лыда дҳамаӡам.
— Абри азоуп саргьы абри сзалацәажәо. Абри еиԥш
ажәа аныбҳәа, уажәышьҭа иаҳа сгәы аартны ибасҳәоит
сажәа нагӡаны. Ецы Адқьа, Басиаҭ иԥхәыс, уи шәаргьы
дшәыцәтәымуаҩӡам, — даҿын ажәабжьҳәара Рафида,
— даасыдтәалан, аԥхьашәа исҳәан еиԥш, уи илҳәаз зегьы сара изласҳәои, абри Камаҷыҷ Ӡыкәыр иԥа Алхас
дизаҳҳәап, лҳәеит. Иани иаби даара бзиа ирбоит, иара
аҷкәынгьы даара длеилаҳауеит, лара Камаҷыҷгьы дылдыруеит. Уи макьана дыҷкәынӡоуп, 25–28-ҟа шықәса
ихыҵуазаргьы, уаҳа ихыҵуам. Аха ҷкәына еибагак иоуп;
ацәгьеи абзиеи рҿы уи дахьумыхәо ҳәа зыҟалом. Иԥ
шра-исахьа бзиоуп, иаби иани уаа шьахәқәоуп, крызку
уаауп; иара аҷкәын иламҳәа акыҟам. Аӷьычразы на
ҳәа змоу аӡә иакәым, убри азы ҭауади-аамсҭеи даара
дрыцҳаршьоит, иахьцо-иахьаауа уи дныҟәыргоит, рыбла дҭәыцны дхызар дхырхшам, ҽыбӷала даара дҟазоуп,
аҽырхәмарреи аҭарчеии уҳәа рзы ицназго дзыҟалом.
Ҵоуп, Камаҷыҷгьы — Камаҷыҷ лоуп, аха уигьы зынӡак
ӷьеҩк иоуп. Уаха-сахаҳәа зегьы аӷьычра ианаҿу, ажәлар
аӷьычцәа ҳаимырҵәеит ҳәа ианашшуа, ибаҳахьоума
уи иаб акы ицәырӡеит ҳәа, уи итәы заҟа уаҩы имӡара...
Убри азы иҩнадарҭа рибаҭом. Дарбан нхаҩу ас иҩ
нардо? Иҽи икәадыри есқьынгьы иӷьазӷьазуа еиқәуп.
Уиаҟара зысҳәои, бара дбымдыруеи?.. (Есма дхәыцуа

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Камаҷыҷ - 09
- Büleklär
- Камаҷыҷ - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3427Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3560Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3658Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3602Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3557Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3624Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3603Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3675Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3579Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20070.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3636Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3667Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 552Unikal süzlärneñ gomumi sanı 4220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.