Latin

Камаҷыҷ - 06

Süzlärneñ gomumi sanı 3557
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
қыҭантәык, арԥыс бзиак, Халыл ҳәа аӡәы, аӡы дагеит
ҳәа.
Адырҩаҽны ажәлар еизаны аԥшаара иналаган, џьара
аҟәараҿы ԥашәк даҵагәаны дшамаз рбан, даҵхны дырган, дыржит. Убри ашьҭахь аӡы иашьыз иҭаацәа, иҭахцәа,
иуацәа, иқәлацәа адырра ироуз ала, ҩба-хԥа қыҭа еизеит, насгьы абри еиԥшқәа рзы ишақәнагаз ала, еизаз зегьы маҭәа шкәакәала еилаҳәан.
Аӡы дахьашьыз аҭыԥан, нырцә-аарцә аххьа барфын
бжьынданы, ажәлар рҽеиҩшаны итәеит, рыбжаҩык —
нырцә, рыбжаҩык — аарцә, аԥхьарцеи ачамгәыри ар­
ҳәо, ашәа ҳәо, еинҟьаны икәашо, ихәмаруа. Зегь реиҳа
абраҟа иҳәатәу — аӡӷабцәеи арԥарцәеи ахьдыркәашоз,
абраҟа Камаҷыҷгьы ддыркәашеит, аха ауаа лырга­
чамкит, митәшәа дкәашеит, уи леиԥш уаҟа аӡәы дыш­ԥа­
зыкәашашаз!
Аӡы иашьыз, илеи-иԥси реиԥш иибоз арԥыс Кәадац,
акы зҭарымҭәацыз ҳаҭа ҿыцк иманы днеин, кыр аӡы
дналалан, аҳаҭа аххьатәы шашәа иацреиҳәеит. Ахы
ааԥыртланы, аӡы инӡаасылома уҳәартә иныҟаиҵеит. Нас
аҳаҭа ахы кны днагылан, аӡы иашьыз Халыл ихьӡ ҳәаны
ибжьы наиргеит:
— Џьым, Халыл, уааины абра уҭал, сара усцәымшәан,
иубац Кәадац соуп, уцәаужьы ахь узгоит, иумбои, уара
узы заҟаҩ уаа еизаны итәоу, иумбои, урҭ зегьы уара
иуеигәырӷьоит!.. — Уааи, џьым, Халыл, усцәымшәан!
Уцәаужьы ахь узгоит! — еиҭаниҳәа, аҳаҭа ԥсаҳәа зхы икыз
хәыҷык иааимгәачшәа ибеит, иԥсы абра иҭалт, иҳәан,
афырҳәа днамҵасын, ахы ааҿеиҳәеит ххьа шашәала. Нас
аӡы дынҭыҵын, ажәлар днарылагылт.
Убри ашьҭахь зегьы рҽааизыркын, еилагыланы ихә­
маруа, ашәа ҳәо, аҳаҭа зкыз раԥхьа днаргыланы, аԥсы
дахьжыз ахь идәықәлеит.
— Уаала, џьым, Халыл, уҭыԥ ахь! Уаала, џьым,
уцәаужьы ахь, —иҳәон аҳаҭа ҳаракны изкыз Кәадац.
Ус аӡы иашьыз дахьжыз анышәынҭраҿы инеит. Аҳаҭа
зкыз Кәадац, анышәынҭра ԥыҭк ааимирттын, аҳаҭа ахы
ааԥиртын:
— Џьым, Халыл, уҭыԥ аҿы уааит. Уцәаужьы аҿы уааит! — иҳәан, аҳаҭа ахы наҟ хәыҷык инцәыҵеиршьшьын,
иааимгәеирӷәӷәеит, «аԥсы» иҭаз уахь ицәыҵаларазы,
ацәа­жьы ахь инеиразы. — Уцәеижь аҿы уааит, џьым, Халыл, — иҳәан, анышә ааимеиԥсеит Кәадац.
Абри аизараҿы Камаҷыҷ Леуан уажәы аакьыскьа хәду­
ла иааихәаз иҽы дақәыртәаны дааигеит, седла ԥшӡак
нақәҵаны.
Абри аҽны Камаҷыҷ ԥҳәызба маҭәала деилаҳәан.
Ҭыԥ­ҳа наӡак леиԥш дыҟан. Лара баҩҷыда злаз аӡә ла­
кәын, аха лара дзықәтәаз аҽгьы даараӡа баҩҷыда злаз
акы акәын, ԥагьа-ԥагьа инықәгыло акәын ишныҟәоз,
уа­хьынахәаԥшуагьы, даараӡа ҽы ԥшӡак акәын, аха абаҩ
иалаз уаҩы цқьа издыруамызт, иара убас Камаҷыҷгьы
дыҽҟазоуп, рҳәон, аха цқьа дыздыруаз маҷын.
Ажәлар зегьы хынҳәны рышьҭахьҟа идәықәлеит.
Абраҟа ашьаҟацәагьы рацәан. Аха аҽцәагьы маҷмызт.
Харатә иааз, џьоукы неицәажәеит маӡалашәа, Камаҷыҷ
лыҽҟазашьеи лҽы дзықәтәоу иалоуи еилаҳкаап ҳәа.
Уа аҽҟазацәа иҟаз аӡәы иҽы адәы иаақәирхәмарит,
нас — Бааи, ҽыҳәҵәыла ҳнеисып! — иҳәан, Камаҷыҷ
дынлыдыххылт, аха Камаҷыҷ уи дук дазыразымхеит,
убас уаҟа аҳәсақәа игылақәазгьы.
— Иууазеи, нанхеит, аӡӷаб лоума ҽыҳәҵәыла узысуа?
Дкаҳар, абаҩԥҵәа лылалоит, — рҳәеит.
— Ааи, шәара дшәыздыруам, уи икаҳауа лакәӡам, —
иҳәеит аҽуаҩ, насгьы деиҭаналыдыххылт.
— Усҟәаҵ, сара аҽыҳәҵәахьы исызнацом, — лҳәеит
дырҩегьых.
Уа игылақәаз ахацәагьы аӡӷаб дыззымдыруаз:
— Иҟоуҵозеи, уара, аӡӷабцәа роума узеисо, унеины
уҩызцәа уреисаруеи ҽыҳәҵәыла! — рҳәеит.
Арԥарцәа даҽаӡә дынлыдыххылеит:
— Изыҟалозар, бареи сареи ҳнеидыслап, ҳаҽқәа
неиқә­ҳарԥап, — иҳәеит, аха Камаҷыҷ иаулухуаз.
Ианырмуӡа, Леуан дахьгылаз аӡӷаб иналызҿиҭит:
— Ианырмуӡа, бҽы иалшо беишь!
Камаҷыҷ лҽы ахы даахан, лышьхәа нарбаны ажәлар
днарылҟьеит, нас аӷәра иаҿакшаны, лҟамчы аналырба,
аҽы аапкӡеит, иазылуз хьымӡӷнашьазшәа аҽыҩҽыҩҳәа
ҩынтә-хынтәҟа инықәлырԥалан, адгьыл нарцәаӷәаны,
аҷкәын дааидххылан, аҟәақ-сақҳәа иааисит.
Аҽқәа рышьҭахьтәи ршьапқәа инрықәгыланы икьа­
кьаӡа иҩагылан, рышԥқәа ааинҟьеит, аҟыҿы-сҿыҳәа ха­
ԥыцлагьы еицҳашәа руит, аха абӷьааҳәа рыхқәа неивҟьан,
аҷкәын иҽы нышьхынгәыгәлан, днахҟьарц егьааигым­
кәа, «Ҳаи-ҳаи!» рҳәан, уа игылақәаз ашьаҟацәа ааиасын,
даанкыланы иҽы днақәдыртәеит.
Дырҩегьых еиҭаадырҿыцын, еиҭааидыххылеит, рыҽ­
қәа рышьҭахьтәи ршьапқәа инарықәгыланы, икьакьаӡа
игыланы, аҟәақ-чақҳәа шԥыла иааисит. Аҽқәа рхаԥыцқәа
аахырџьаџьаны, аҟыҿы-сҿыҳәа инеицҳан, аӡӷаб лҽы
ӷәӷәала иаҟьаз ашьапы аҷкәын иҽы инақәшәан, наҟ иҽы
днахҟьаны дынкаҳаит. Лара апҟақьҳәа лҽы днасын, ажә­
лар днарылҟьеит, игылаз ажәлар зегьы, «Ураа!» — рҳәан,
инеибарҟааит.
– Быԥсынҵры бзиахааит, дад, бара аӡӷаб! — ҳәагьы
на­цырҵеит уаҟа игылаз аҳәсақәа.
— Убас, нан, убас! Ҳара аҳәсақәа ахьмыӡӷ ҳабмырган!
— лыбжьы налыргеит уа игылаз ԥҳәыск.
— Дад, Леуан, ари уӡӷаб даара ахьӡ бзиа улыргеит,
арԥар­цәа ҽыжәҟьҟьаны икалыжьуа, — рҳәеит уа игы­
лақәаз.
— Абри еиԥш ахьӡ ахьслыргаз азы абарҭ зегьы ижә­
дыруазааит, убри аҽы дзықәтәоу иахьарнахыс лара ил­
хатәны илысҭеит, — иҳәеит Леуангьы.
— Иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит ҳара абри заҳаз зегьы, — рҳәеит
уа игылаз ажәлар, — лара аӡӷаб ссирк лоуп, аха уаргьы
даа­раӡа арԥыс бзиара ныҟәугеит! — иҳәеит.
Дыззымдыруаз лызҵаауан абри леиԥш аӡӷаб дабатәиу
ҳәа, леилаҳәашьа, лыҽҟазашьа уҳәа зегьы рҿынтә.
Абри аӡӷаб илуз, абри лзы ирҳәоз, дышдырҽхәоз зегьы абри аизараҿы иҟаз Алиас ибон, иаҳауан, аха ихы
цәырымгаӡакәа уаҟа дрылан, дыздырқәоз зылаԥш
дааҵа­шәоз зегьы иӡӷаб дидырныҳәалон.
Убас абри аҽны, абри аизара ду аҿы Камаҷыҷ лы­
кәашареи, лҽырхәмарреи, лыԥшреи, лсахьеи рыла уҳәа
даара ахьӡ ду лгеит. Иқәҵны ицоз ажәлар убри лҭыӡшәа
акәымзар, даҽа ҳәатәык рымаӡамызт.
XIX
АҴХԤҼРА
Уаҵәы нанҳәан уахеиԥш, ахәылԥазы агәылаҷкәын
Да­ҭа дааин Алиасраа рҿы, ажәеи ажәеи шеихыр­
ҳәаауаз, уаха абра агәылара иҟоу аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи
уҳәа, зегьы шәара шәҿы еизарц иҟоуп аҵхԥҽразы ҳәа
леиҳәеит Камаҷыҷ.
Абри аԥхьашәа гәыла ԥҳәызбакгьы Камаҷыҷ илалҳәа­
хьан, уаха бара бҿы ҳаизоит ҳәа.
Аҷкәын данца, Камаҷыҷ лани лаби иралҳәеит уаха
аҵхԥҽразы агәыла ҷкәынцәа зегь ҳара ҳҿы еизоит ҳәа.
— Ируазеи бара ҳгәылаҷкәынцәа уаха ҳара ҳҿы? Закә
ҵхԥҽроузеи? Анцәа имч ала ҳара зегьы ҳаибга-ҳазҩыда
ҳаҟоуп, чымазаҩ дҳамам, — рҳәеит лаби лани.
— Ачымазаҩ ҷаԥшьаразы акәым уаха шәара шәахь
ҳаауеит ззырҳәа. Уаҵәы нанҳәоуп, уаха ауаа ыцәом, бар­
банџьиа ҟарҵоит, «аҩсҭаацәа рбылуеит», ишәхашҭма,
ҵыԥх Қәаблыхәраа рҿы убас еизаны аҵх ԥырымҽи. Саргьы сцоит, сҳәеит, аха сышәмышьҭит, аҵх ԥыбҽыр, ацәа
быгхар, бычмазаҩхоит, шәҳәан.
— Ы-ы, иаадыруеит, иаадыруеит. Ажәытә уи зегьы иҟарҵон ус, аха уажәы ҳаазқәылаз иҟазҵои
иҟазымҵои еиҟароуп. Ҳара ҳаҩнаҭаҿы бара банхәыҷыз
барбанџьиа ҟаҳҵеит, қәны хәҵәык амца ацраҵаны
бнахаага-аахаагон, уи, абар иҵышт 10–12-ҟа шықәса
уи ҟаҳамҵеижьҭеи, — рҳәеит, — аха уеизгьы аҷкәынцәа
ҳнеиуеит анырҳәа, аҩыс­ҭаас ижәбылуа сыздыруам, аха
иааит. Шәыхәмар, шәычча. Акәац ҳамоуп, аҩы ҳамоуп,
кәытқәак шәшьы, уаҳа акгьы ҳҭахым. Ишәырша, уаҵәы
усгьы ныҳәоуп, — рҳәеит Алиаси Есмеи.
— Ас нанҳәа ауха аҵх ахьԥырҽуа чара руама? — ҳәа
дрызҵааит Камаҷыҷ.
— Ари ачара ахьӡӡам, аха уаххьа бзиак ҟашәҵар,
ҳаргьы ҳаашәыдыбзиалахап, — иҳәеит Алиас.
Ус дук мырҵыкәа иааилашәшәит, аҷкәынцәа, аӡӷабцәа
аизара иалагеит. Барбанџьиа ҟаҳҵап, рҳәан, ақәны хәҵәы
еизганы амца ацраҵаны ахыԥара иаҿын. Ԥыҭк анаабжьыс аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рхыԥхьаӡара иазҳаит. Уи
сҳәеит ҳәа, аҷкәынцәа иреиҳабацәазгьы ԥыҭҩык ҟалеит:
аписар Леуангьы (рыхәԥҳа) абра дақәшәеит. Аҷкәынцәа,
аӡӷабцәа рыбжьаргыланы амцабз ду ҩ-аршьынак рҟынӡа
инаӡоз иахыԥон амцабз иалҟьаны. Ус ақәны хәҵәы зегьы анырблы, аӡынра иацәынхаз аԥҳәнымҩақәа Алиас ананыра изықәыз лбаарган, ақәныхәҵәы ацынхәрас
амца ацраҵаны иахыԥон. Уи ргәы анақәҿыӷь ахыԥара
иаҟәыҵын, алабақәа кны, амца иакәшаны инагылан,
иасуа арцәара иалагеит, аҩсҭаа Џьангьари дҳаблит, даҳ­
ҷыҷит ҳәа. Ашьҭахь, аҵәа ду, амӡырха агәҭа иҭагылаз,
ам­ҵан инатәан, ашәаҳәара-акәашара иалагеит. Ус ихә­
маруан акраамҭа. Нас аԥшәма днарыԥхьаны, мап-чап,
рҳәеит, аха имукәа зегь наиртәан, акрырҿеиҵеит. Аб­
раҟагьы акраамҭа ашәа рҳәон, икәашон.
Ашьҭахь «мацәаз еимда» иналаган, убригь акраамҭа
иаҿын, ргәы ақәҿыӷьаанӡа. Убас ихәмарт, иччеит...
Нас аҷкәынцәа аӡә «начальникс» дҩагылан, астраж­
никцәа ҳәа ҩыџьа ааиваргыланы, ҭарџьманс ҳәа ҷкәына
хырцәажәак иара иеиԥшыз иаԥхьа дааиргылан, «урыс
бызшәала» «ажәлар» драцәажәо далагеит, уаҟа еизаз
зе­гьы ишыччоз ркьатеиах ԥиҵәеит, иҿашәалак иҳәон
азы. Уи бызшәа ҳәа издырӡомызт. Џьоукгьы ирашшуан, џьоукы аус рықәиҵон, џьоукых (ҷкәынцәак), аҭак­ра
рықәшәазшәа, «истражникцәа» рыла «анабахҭа» (ачыс­
ҭра) иҩнеикуан, џьоукых — ишьапы кыдҟьаны наҟ идәы­
лицон. Аҩны итәақәаз џьоукы ачысҭра иҩнеикыз рахь
рыбжьы дыргон:
— Еи, уара, шәара шәначалники шәареи шәнеи­цәа­
жәаны, гьангьашрыла, уаҵәы шьыжьымҭантәи ҳхәы
шәымфааит...
Шьоукыхгьы абарҭ ирҳәаз аҭакс рыбжьы надыргеит:
— Шәара ишәҳәо змааноу аԥшәма игәиҽанҵароуп,
уаҵәы шьыжьымҭан какалда ҳашәмышьҭын ҳәа ауп,
— рҳәеит. Убригь кыр иахыччеит, ианаалоз самырҟәыл
ажәақәак нацҵаны.
Еиҳарак «аначальник» иаурыс бызшәеи, ус уи «иҭар­
џьман» иеиҭагашьази ауаа итәаз ишыччоз индырҵәеит,
аурыс бызшәа сҳәоит ҳәа, иҿашәалак иҳәон: зны-зын­
лагьы драцәҳауан, аӡӷабцәагьы хәыда инымхеит, Леуанк
— уи зынӡак аччара изнымкылазт, ддәылҵын, абарҵа­ҿы
дтәеит, ачабра иблақәа ирыдкыланы, илаӷырӡ рыцқьо.
Леуан дышдәылҵыз «аначальник» иангәеиҭа, «ас­
траж­никцәа» изынеишьҭит абрахь даажәг ҳәа, Леуан
шәыс­ҟәаҵ, шәанаџьалбеит, сыԥсит сшыччоз, иҳәеит, аха
дрым­гар рымуит.
Алиас днагылан, «аҭарџьман» ила диҳәеит, абахҭа
иҭакқәоу ауижьразы.
— Изҳәо дызусҭада ҳәа дузҵаауеит, — ҳәа еиҳәеит
аҭарџьман.
— Изҳәо аԥшәма иоуп ҳәа сызиаҳә «аначальник», уххь
згеит «аҭарџьман», — иҳәеит Алиас.
Аԥшәма иажәа «аҭарџьман» «аначальник» илымҳа,
аҟынӡа инеигеит: «Аначальник» ацәҳарагьы налаҵаны
акаанмыжькәа зегьы аниҳәа (аха ари заҳауадаз, насгьы зегьы аччара иаҿын, иҳәашьа уамашәа ибаны),
«аҭарџьман» даацәажәан, аԥшәма захьӡузеи ҳәа дуаз­
ҵаауеит ҳәа еиҳәеит.
Алиас даацәажәан:
— Аԥшәма захьӡу абри аҩны зтәу соуп, шәанаџьалбеит
аԥсшәагьы шәхашҭма? — иҳәеит.
«Аҭарџьмани» «аначальники» неицәажәахын:
— Аҩны злоутәу ала ашәҟәы умоума ҳәа дузҵаауеит
аначальник,— иҳәеит «аҭарџьман».
Алиас дыԥшаауа иџьыбаҿы газеҭ цыԥжәахак ибан,
иаарҽеишәа инеииркиит. «Аначальник» алашараҿы цқьа
днахәаԥшын, иҭарџьман ажәақәак наиеиҳәеит.
— Даара документ бзианы иумоуп, хырҳагас аллаҳ
иуиҭааит! — иҳәеит «аначальник», — иҳәан, «аҭарџьман»
Алиас изхынирҳәит.
— Уажәы «аначальник» дузҵаауеит абашьԥорҭ умоума ҳәа, — иҳәахт «аҭарџьман».
— Уаҩыцәгьак дҳақәшәеит убауоу, — иҳәан, Алиас
иџьыба дҭаԥшаауа далагеит, қьаадыжәк џьара избозар
ҳәа. Убри аамҭазы машәыршақә иҭаҭынкәалаԥ иџьыба
иааҭихит.
— Исырбеишь! — иҳәан ибызшәала, иааимпыҵихит,
нас «аҭарџьман» ила адырра ииҭеит:
— Умԥшаан, амала абри даара башьԥорҭ бзиоуп, —
иҳәан иааиртын, ацигар ҟаиҵан, аҭаҭын ахара далагеит.
Нас «аҭарџьман» днагылан:
— Ашшцәа шәааи, шәусқәа иашәҳәа, — иҳәеит. Аӡәа­
ӡәала инеины иашшуа иалагеит. Урҭ иреиҳәози русқәа
шибози зегьы ркьатеи ԥнаҵәон, аха Леуанк уаҳа изымч­
ҳауа далагеит.
Ашшцәа аӡәы «аҭарџьман» дизҵааит:
— Абри аначальник ԥыҭк аҟара исҭар, изыҟалару сус
дацхраар?
«Аҭарџьман» даара дгәааит:
— Ишԥоугәаӷьи аҳәынҭқар дуӡӡа ичиновник аҽны
шьыбжьон, ауаа зегьы ишырбо-ишраҳауа аҵарҭыша
исҭоит ҳәа?..
— Мамоу, дад, ухаҵкы, «аҭарџьман», ҽынла акәымкәа
хәылԥазык уаҩ даныҟам иҭыԥ аҿы снеины исҭар ҟалару
ҳәа суазҵаауеит, — ҳәа еиҳәахт.
— Уи даҽакуп, ԥаразар, ҽынла иуҭаргьы ҟалоит, Днас­
кьаԥхьаны, наҟ инапы инануҵоит, шьтәазар, ма аҩы
уалырла изноугарц уҭахызар — уи уахынла, иҭыԥ аҿы
инаганы иуҭоит.
— Уаҟа иназгар, идикылару?
— Уи уазымҵаан, уажәы ибама аҵарҭыша дкылара! «Аначальник» ӷәӷәала ибжьы ааиргеит ашшцәа
аашәышьҭ ҳәа. «Аусбара» деиҭаналагахт. Уажәшьҭак
«ажә­лар» ир­зым­чҳаит уаҳа аччара. Леуан иакәын — абар­
ҵаҿгьы дзы­маанҿасызт, адәахьы ддәылҵит. Уб­рахьтә
ибжьы ааиргеит:
— Анцәа шәишазар, днышәкыл уара убри ауаҩ, шьҭа
иазхоуп аччара, ҳаԥсит, уаҳа ҳалам! Нас «аначальник» асқам днықәгылан, аӷьычра ҟамларазы ажәақәак
«аҭарџьман» ила иҳәан, днылбааԥеит зегьы рчабрақәа,
ркал­ҭқәа уҳәа рыла иадкыланы рылаӷырӡқәа рбо ин­
дәылҵит адәахьы.
— Аҟәа, Баҭым, Қәҭешь уҳәа ақалақьқәа рҿы атеа­
трқәа, ациркқәа збахьеит, аха абри еиԥш ассир зымбацт,
исмаҳацт. Аԥсуаагьы ирымазаап рхатәы театр, атеатрқәа
избахьоу зегьы хараӡа иреиӷьуп уаха избаз, – иҳәеит Леуан.
Ус, ԥыҭрак аҭаҭын инаха-аахо ицәажәо итәан, ашь­
ҭахьы Алиас днарылагылан:
— Дадраа, уаха абра еизаз абзиаразы, агәырӷьаразы
ҳаибабааит зқьышықәса! Ишыжәбо еиԥш, макьана аҵх
крыҟоуп, арбаӷьқәа макьана зныкоуп ианҿырҭхьоу, ацәа
ҳамкразы сара ак шәабжьызгоит, шәақәшаҳаҭхозар, —
иҳәеит.
Зегьы неицҿакны:
— Даара ибзиоуп, иҳаҳә, — рҳәеит. Нас Алиас даа­
цәажәан:
— Сара ишәабжьазго иусхьанҭоу акы акәӡам: абраҟа
иҟоу зегьы икьаҿу, уаҩ дзырччаша, ма дзырхәыцша, мам-
заргьы уаҩы иџьеишьаша ахԥарра злоу акака, ажәабжь
ҳшәырҳәа, — иҳәеит.
Абри зегьы ақәшаҳаҭхеит, ргәы иахәеит. Мшәагә
дахьтәаз:
— Уаха Ԥҳазоу Бирам абра дҳамазар, шәкы рыхкы
лакә ҳаиҳәарын, — иҳәеит.
— Алакә ҳалашәымгалан уаха, алакә акәым, ажәа­
бжьқәа, — рҳәеит зегьы.
— Алиас, уара ишҳабжьоугаз еиԥш, акык-ҩбак раҟара
ажәабжь ҳаҳә, нас ҳаргьы ҳналагап, — иҳәеит.
Ҭамшьыгә дахьтәаз:
— Ала зшьыз атыша иҳәеит ҳәа, абри еиԥш аус сара
ианшәабжьызга, ахы сара искып, — иҳәан, дналагеит Алиас. — Ажәытә аҳ ихаан Маан Ҳасан ҳәа аамсҭа дук дыҟан.
Зны убри Ҳасан имакшәа маӡа уск ҟаиҵарц иақәикызаап,
ари аҳ иҵихит. Аҳ даамақарын ауаа ишраҳауаз, — Убри
Ҳасан сара дансеикан, сара сагьуаҩыхым, иара имаҵуцәа
реиԥш, ҽабаамзар дзықәтәо имамкәа, аламҵ ихаабыцуа,
абӷьы зыхьныҳәҳәы алтә фрахьҵәыла иҟәицо, ажьацәа
ихарҩаны, икәымжә кьаҿ хәыҷы цқьа дыхнамҩо, ижә­
цәеи­маақәа ишьацәхыԥқәа ркылҳәҳәо, дҽыжәҵны дназыдгыло наҟ инаскьо дҟасымҵозар, — иҳәеит.
Абри Ҳасан иаҳан даара дазхәыцит, нас дук мырҵӡакәа
ҽабаа ԥхҭык иԥшаан, кәадыражәк нақәыҳәҳәаны, икәым­
жәкьаҿ хәыҷык неишәиҵан, жьацәа хылԥак ааихаҵаны,
абӷьы ахьныҳәҳәы фрахьҵәык ҟамч цынхәрас иаашь­
ҭихын, аламҵқәа ихаабыцуа, убри аҽы дақәтәаны аҳ
иашҭа дынҭалт.
Аҳ исоф дықәгыланы дизыԥшуеит дабатәи гмыгу
сашҭа иҭалаз ҳәа. Егьырҭ ауаа дуқәагьы, убраҟа аҳ ива­
гылақәазгьы, ччиак даауеит ҳәа изыԥшуан.
Аҽхарԥарҭаҿы иҽы нҿаҳәаны (уаҩ днеиԥыланы дын­
ҽыжәихуазу!) асоф даахәназар, абар Маан Ҳасан ду.
Аҳ абӷьааҳәа идырт абри змааназ.
— Ааит, уара аллаҳ дуқәшәиааит, уаҩысҭааны
узшаз унеимыгӡароуп! — иҳәан, наҟ аҩныҟа уҩнал
ҳәа диҵаҟьеит, — Уажәыҵәҟьа деилашәҳә! — иҳәан,
деиларҳәеит.
— Аҽы ԥхҭы акәадыражә шақәу наҟ агәашә иҭцаны
шәа­ҵаҟьа! — иҳәан, наҟ икарцеит, иара Ҳасан данцоз, да­
ҽа ҽык, кәадыр бзиак нақәҵаны дақәыртәаны дишьҭит,
— иҳәан, Алиас иажәа даалгеит.
— Уаҩы гызмалк иакәзаарын, убо, Ҳасан захьӡыз. Абас
дақәсыршәоит ҳәа аҳ ианиҳәа, заа иара ихы ақәир­шәеит,
— рҳәеит.
— Убри Ҳасан итәы саналага, убри игызмалратәы да­
ҽакгьы шәасҳәап, — иҳәан, деиҭаналагеит ажәабжь ҿыцк
Алиас. — Аҳ иԥҳа дыԥсны дыгҿан. Ажәлар ҵҩа змамыз
еизаны иҟан. Зегьы чгон, иџьабон, џьоукы ргәы былны,
џьоукы игәы иахәап ҳәа, џьоукых аҳ ицәшәаны. Маан
Ҳасангьы абра дыҟан. Абарҭ ауаа ируаз аниба, сычго,
аҟәыд ыфо абра сызтәом, иҳәан, агәылара дцеит. Сгәы
бзиам, иҳәан, иҽыргызмалны дышьҭалт. Аԥшәмацәа
ирура рзымдыруа ихагылан ачгьахьа идыргалар, дгәаар
ҳәа ишәеит, ахаатәы идыргалар — аҳ иԥҳа шәгәылара
дыгҿаны ахаатәы аҭыӡшәа шԥажәгәаӷьӡеи ҳәа, ихирҵәар
ҳәа ишәон.
Аԥшәмацәа шихагылаз ибон, аха иара имбошәа иҽы­
ҟаҵаны дырзыԥшуан, нас ихы дҩахан, даарылаԥшит.
«Абни закәызеи ижәуа?» — ихәан, дрызҵааит. «Ҟәыдуп»,
— рҳәеит. «Егьи — закәызеи ақәаб ала икнаҳау?» — деи­
ҭарызҵааит. «Уи хшуп, абри уажәы иршны амца иахаагеит», — рҳәеит. Нас дхәыц-хәыцуа, акыӷәраҿы џьам дук
илаԥш нақәшәан, «Убри аџьам ала исышәҭ арахь абри
ахш», — иҳәан, ахш ижәразы иҽааирхиеит.
Аџьам ду азна неидыркит. Дахәо-дахәо мацара зегьы ижәӡеит, аџьам ааҭаирцәит. «Аҳыҳ, шьҭа сыԥсыргьы
сыԥсааит!» — иҳәан, аҭӡахьы иҿы нарханы дыцәт, —
иҳәеит Алиас.
— Дызгара ижәааит, дыԥсуоу, иҽеиӷраҵаны
дыцәеитеи, — рҳәеит итәаз зегьы неибарччан.
— Уажәшьҭа, Леуан, иҳауҳәароуп уара узықәшәахьоу,
иџьоушьахьоу ажәабжьк, — рҳәан, инеидгылт.
— Уаха абра аџьашьатәы исшәырбаз аҵкыс еиӷьу
ишәасҳәозеи, — иҳәан, даасамырҟәылт Леуан, нас, ирму­
ӡошәа аниба, дналагеит ажәабжьк аҳәара:
— Шықәсык Харчлаа рус аҵыхәала Қәҭешь окружнои
суд26 ашаҳаҭцәа ирыԥхьаны ианыргоз, саргьы сыргеит. Ҳначальникгьы иԥхьан дыргеит, Хәарҵкиа Беслангьы дыҟан. Убарҭ ашаҳаҭцәа дрылан Баҭагьы. Асуд аҿы
ашаҳаҭцәа ирызҵааит. Аус здыз далдыргеит. Аха уи азаауазеи, уи акәым аус злоу.
Асуд аҿы аус ианалга, ауха ҳазлаауаз ҳмоузт, уаҟа
ҳаанхеит. Ауха зегьы ацирк ахь ҳцеит, избан уҳәар,
ацирк рымбацызт ҳара иҳацыз аӡәгьы, Беслани сареи
ҳада. Ацирк аҿы аӡәы зынӡак дҳаракӡаны аихатәы ша­
шәа дықәныҟәо дышнеиуаз, Баҭа илаԥш наиқәшәеит.
Баҭа зегьы дшыжәдыруеиԥш, уаҩы ҵарны, уаҩы еилых­
ханы дыҟан. «Ааи, шәанаџьалбеит, абри далҟьаны дка­
ҳауеит!» — иҳәан, ихҭырԥа ихҵәа, днаҵҟьан, днеины дыниҵагьежьит, абраагьы даҟәыҵуам уи аҳәҳәара
«Шәа­наџьалбеит, шәуаами, дкаҳауеит!» — ҳәа. Убысҟан
абраҟа, ацирк аҿы, агубернаторгьы дыҟазаарын. Аӡәы
акәыкәыҳәа дыҳәҳәо даниба, уи ихьыз иалидыраауаз, «Ааит, рыцҳа, аӡәы иимбацыз акы аниба, ихы еилагазаап», — иҳәан, абри уажәыҵәҟьа ахагацәа рҭыԥ ахь
дыжәга ҳәа реиҳәеит. Аполициацәа наисын, деимырхха
дыркын дырго даналага, зынӡак аҳәҳәара далагеит «Беслан» ҳәа. Беслангьы днаихьӡеит, аха агубернатор апри26
Қәҭешьтәи аокруг аӡбарҭа — усҟантәи аамҭазы Амраҭашәа­
ра­тәи Қырҭтәыла зегьы аҟны иреиҳаз ӡбарҭан.
каз ҟаиҵахьан. Беслан дызусҭадаз урҭ рзы. Акәыкәыҳәа
дшыҳәҳәоз, ахагацәа рыҩнахьы дыргеит.
Уаҟа ампахьшьқәа ырҵәины ихы иакәдыршо ианалага, иҳәҳәара ҳәҳәара нацҵаны дрызнымкылеит. «Ааи,
рыцҳа, зынӡак ихы еилагазаап!» — рҳәан, исуа, дкыдҟьо
дрыман ауха шаанӡа. Адырҩаҽны ианааша, Беслан
агубернатор агәра ииргеит дышхагам, ихы шеилагам,
иахеижьҭеи ихы еиламгазар ҳәа. Агубернатор изинала
ҳцан, Баҭа ахагацәа рыҩны ддәылганы дҳаманы ҳааит.
Даҽа ԥыҭрак ҳамнеир, дхагахар ҟаларын, — иҳәеит Леуан, иажәагьы даалгеит.
— Ааи, «амашәыр аҳампал иалоуп» — ҳәа, ирҳәо мыц­
ӡам, ииашаны иҵабыргуп. Егьзлаӡамыз аказы уи ауаҩ
ихы еиламгахьази, — иҳәеит, даахәыц-хәыцын, Алиас.
— Уажәы, Луман, иҳауҳәанда ажәабжьк, ашарагьы
ааи­гәоит,— рҳәеит итәақәаз.
— Ишәасҳәареиԥш акгьы сыздырам, аха... — иҳәан,
дналагеит: — Абри амҩа ду, Егри Кәыдри рыбжьара аподриадчик27 аџьам Иаҳиа Абасоӷли иҟаҵаны даналга,
аначальник округа Браккер идикыларц ауаа рацәа ицны
амҩа данын, игәеиҭон аҟаҵашьа — ибзиоу, ицәгьоу
ҳәа. Аӡқәа, акәарақәа уҳәа убырҭгьы ашәҟәы ианиҵон
рыхьыӡқәа.
Аӡҩыбжьа данааӡа, кәарак иахьӡузеи ҳәа аначальник округа ҭарџьманс уи аҽны ицыз Қәыџьмахан ды­
ниазҵааит. «Абри Џьамӷәарӷәал ахьӡуп, — иҳәеит. —
«Иш­ԥа, ишԥа?» — иҳәан, деиҭаизҵааит. Дырҩегьых
аҭакс «Џьамӷәарӷәал ахьӡуп», — иҳәахт Қәыџьмахан. —
«Иҳәеишь дырҩегьых умыццакыкәа», — иҳәеит аначальник». Қәыџьмахан ишиҳәац еиҭеихәахт Џьамӷәарӷәал
ҳәа. Аначальник ибз иҿы иааҭеирбылгьан, «Дза-ҩарҩар27
Аподриадчик — аподриадҟаҵаҩы — аҳәынҭқарра ма ауаа
беиақәа ус дук ҟарҵарц рҭаххар (амҩаҟаҵарааны аргылара уҳәа
убас егьырҭгьы), знапы ианырҵоз ауаҩы ихьӡын.
ҩар!» — иҳәеит. Зегьы аҟырҟырҳәа инеибарччеит. —
«Усҟан уи збаз-изаҳаз моу, ҳара ҳәанҳәахла изаҳазгьы
ҳарччеит», — рҳәан, инеибарччахт. Аҭарџьман акәара
ахьӡ аԥсышәала ибзианы иҳәеит. Аха аурыс бызшәала
ашәҟәанҵараҿы ус ианааломызт. Нас уаҟа ирыцыз
Амтон иԥхьан, изҵааит, уи «Джамгәаргәал ахьӡуп» —
аниҳәа, ашәҟәы инаниҵеит...
— Шьҭа, Каԥшь, ак ҳауҳәароуп, — рҳәеит аҷкәынцәа.
— Сара акгьы сыздырам, амала исыдшәымцалан! —
иҳәеит, аха изыӡырҩуадаз.
— Сара избаз акәымкәа, исаҳахьоу шәасҳәап, — иҳәан,
дналагеит ажәабжьк.
— Аԥсны, абра абжьуаа рҿы, қыҭақәак рҟны аӷьычра
анырацәаха, аӡәи-аӡәи рыгәра еибамго ианалага, сыжә
зӡаз уара уоуп, сыцә зӡаз уара уоуп ҳәа. Рыхәдацәа анеибак, ажьирақәа рҿы еибарқәуа иалагеит. Аха амцныха
рфо иалагеит. Нас, издыруада, аныха иаҳа иацәшәар,
рҳәан, Одышьтәи ныхак иааԥхьеит, ара убри аамҭазы
дааит ныхаԥааҩык, ныха ҟьаҟьадук ихәда иахшьны.
Сара ишысымӡа, уара ишумӡа ҳәа зҳәаз иеиԥш, еибар­
қәуа иалагеит. Аныхаԥааҩ агәра диргон иныха амч ду
амоушәа. Зны ауаа жәпаҩ ицны қыҭак аҟнытә даҽа қыҭак
ахь дышцоз, амҩан бнак аҿы хараӡа аӡәы апҟаҩҳәа иҽы
амгәацәа аҟамчы ныҵеиҵан иҽы нықәырԥала-аақәыр­
ԥало даауан, аныхаԥааҩ ихәда иахшьыз аныха ҟьаҟьа
ду аақыџьқыџьын, «Наҟ сҵәахы, укәа сҭаҵа, иааиуа
уаҩыцәгьак иоуп, сицәшәоит», — аҳәеит. Аныхаԥааҩ
дна­хәыц-аахәыцын, гьангьашрыла аԥара еизигозгьы
ихаш­ҭын, инамыс ишианаҳәаз еиԥш, дынҽыжәԥан, иныха ҟьаҟьа ду ҿыцха аҳәынҵәа инылаижьын, «Уара ауаа
цәгьақәа урыцәшәозар, ауаа рыцҳақәа, акәадақәа роума
уара иуршәо, узиааиуа!» — иҳәан, днақәԥалан, аҳәынҵәа
инылеикәаҳаит, ишьҭахь инеиуаз аҽцәагьы нақәԥалан,
иԥыххаа аҳәынҵәа иныларкәаҳаит...
— Иара убысҵәҟьа ақәнагон! — ҿааиҭит иӡырҩуаз
руаӡәы.
— Шьҭа, Шьмаҭ, ажәабжьк ҳауҳәароуп, уара анкьа
акануеирагьы28 уалан, акануеицәа ражәабжьк умдыруа
уҟам, — рҳәан, дыхҭаркит.
— Шьҭа ишоит, шәысҟәаҵ, шәызхара шәыччеит, уахазы уи шәызхоуп, даҽазны еиҭаҳарҿыцып, ишәҭахызар, —
иҳәеит, аха ирымузт, ацәажәара дналагеит: — Аҭырџьман
Шьмаф — зегьы дыжәдыруеит — убри ҳара дҳаман уриадникыс. Зны абазар ахь дцан, ԥшьбаҟа-хәбаҟа кәтаӷь
ихәҳаит. Иџьыба иҭеиҵар — уаҟа иԥҽып ҳәа дшәеит, иахьигара изымдрит. Нас дхәыцын, ихылԥарч ду инҭаҵаны
ихеиҵеит. Ус, иҽыриашаны ҭынч, дшәа-дырҳауа дшааиуаз
игәиҽанӡамкәа ҩындук дахьааваҵәиуаз, аокруг аначальник дааиԥылт. Абраҟа хәыцрас иаҭахыз, абӷьааҳәа ихыл­
ԥа ааихиԥааит, акәтаӷьқәагьы аттаҳәа ҵаҟа инкаԥсеит...
Ари заҳаз, ажәа аалгаха имҭакәа, аҟырҟырҳәа зегьы
ааибарччеит.
— Уажәшьҭа даҽак ҳаҳә. Аначальник абри еиԥш аниба, игәы иаанагашаз аадыруеит, — рҳәеит.
— Даҽакгьы сымҳәар уеизгьы ижәуам, — иҳәан, даҽа
жәабжькгьы аҳәара дналагеит: — Зны Салуман Очамчыра баандаҩык дирҭеит Аҟәаҟа дга ҳәа. Абаандаҩы ус
цәгьа имаӡамызт, ибналозгьы иакәӡамызт, аха Салуман уи абаандаҩы ижәҩа неидырххала инҿеиҳәан, иара
дынҽыжәлан, ашаха нароуны икны, дыниаԥицеит.
Салуман усҟан дкануеин. — «Ааи, уанаџьалбеит, Салуман, сыжәҩа еидыххаланы иакит, сашьӡеит зынӡак!» —
иҳәеит, аха дхьаԥшынгьы дихәамԥшит. Дхыԥхыԥуа агаҿа
дықәцаланы дшааицоз, абаандаҩы ихы лаирҟәит иеимаа ирҽеиуашәа, иҩнапык рыла аԥслымӡ Салуман ибла
инхиԥсалт. Изызӡозеи, уи абри Жьац амӡышәа иакәын.Акануеи (аурыс ажәа «конвой» аҟнытә иаауеит) — араҟа ауаҩы
данбаандаҩыртәлак, абахҭа дҭаркаанӡа дымҩаԥызго, дзыхьчо
иоуп изахьӡу.
Салуман акәыкәыҳәа дыҳәҳәан, аҽы иҽалырҩрны,
иблақәа кны, амшын абжьы ахьиаҳауаз ахь дыҩит. Уаҟа
иблақәа акраамҭа рыӡәӡәара даҿын, ашьҭахь иблақәа
аарла ианаахит, абаандаҩы дабаҟаз, дцахьан!..
— Мҩа бзиа дақәшәааит! — рҳәеит, изаҳауаз ааибар­
ччеит.
— Ишеит, ишеит! — абжьқәа аагеит.
— Ура! — рҳәан, Шьмаҭ днышьҭырхын, хыхь-хыхьла
днаганы амӡырха агәҭаны днадыргылт. Нас иааинҟьаны
ԥыҭрак икәашон. Ацарахьы ианықәгыла, аԥшәмацәа
рыҳәеит, ахьурӡы кнаҳҳаит, уажәыҵәҟьа краауеит, крыфаны шәцап ҳәа. Аха имцар рымуа ианалага, аԥшәмацәа
адәны астол надыргылан, ашә ххны ачанахқәа рыла
инықәдыргылан, аҩы, ауатка рзаарган акака, ҩба-ҩба
аҵәыца ржәын, «Ҽааны иахьаҽынгьы абас ҳаибаргәырӷьо
зегьы ҳаибабалааит, иҭабуп, аԥшәма! Учеиџьыка аллаҳ
иазирҳалааит!» — рҳәан, индәықәлеит.
— Иҭабуп, дадраа, шәыԥсынҵры бзиахааит, зықь­на­
шықәса аллаҳ шәнеишьҭлааит, иахеижьҭеи ҳгәы ҟашә­­
ҵеит, аллаҳ шәгәы ҟаиҵалааит! — ҳәа нареиҳәеит аԥ­
шәмагьы.
XX
АЛИАС АИАШЬА ДИРҲАИТ
Ҽнак шьыжьымҭан, гәылаԥҳәыск Алиасраа рҿы
дааин, Ҭорҟан иан Шьарифа ӷәӷәала дычмазаҩуп
ҳәа ралҳәеит.
— Бцеишь, бара, Камаҷыҷ хәыҷы даашьҭыхны уи ачы­
мазаҩ лбара, сара сгәы бзиамшәа сыҟоуп, сызцом, аҩны
сыҟазааит, — иҳәеит Алиас, иԥҳәыс лахь ихы нарханы.
— Дычмазаҩ ӷәӷәоуп, рҳәеит, иумаҳаи, уара аҩны уш­
тәоу, ак лыхьыр ԥсроуми!
— Ҳаи, ус иаразнак иаалырҟьаны дшыԥсра дыҟоума!
— Иудыруазеи, аҭакәажә рыцҳа, дааихәласыр, убри
ауп лыԥсрагьы.
— Бара, иаҳҳәеит ҳәа иаразнак аԥсрахьы лхы лырхеит,
дҭакәажәуп ҳәа. Уи ус дхьыҭҟәыҭуеижьҭеи дыԥсуазар,
шьҭа егьараан дыԥсхьазаарын. Уи ус дыҟоуижьҭеи,
аҿарацәа шаҟаҩ ԥсхьада! «Арҭ шҿоу акәамԥа кашәоит»
— ҳәа ирҳәо бмаҳаци, заҟаҩ лаҩлххьада. Уи сҳәеит ҳәа,
«есқьынгьы амҟәыба аӡы аанагом», — рҳәоит еиԥш, ус
дычмазаҩ ӷәӷәаҵәҟьаны дыҟазар, иаарласны адырра
сышәҭ, саргьы снеип. Ус анакәымха, сгәы бзиам, ацара
сацәаашьоит, аҩнгьы уаҩ дыҟаӡамкәа ишԥаанҳажьри.
Насгьы ачачанцәа29 абра аӡԥшаҳәаҿы итәоуп, уаҩ
ҳшыҟам рбар, ҳақәырхышт.
— Ааи убригь ҵабыргуп... Усҵәҟьа дымгәаҟуазар,
ԥыҭрак ҳанхар ҟалап, — рҳәан, Есмеи Камаҷыҷи рҿынар­
хеит. Агәашә инҭыҵуаны, Рафида даарԥылт. Иахьцоз,
изызцоз анларҳәа, ларгьы дрыццеит.
Уажәы абраҟа имацара даанхеит Алиас. Абар шықәсык
ҵуеит Алиас иажәра, ичымазара, имчкәадара, иаӡәра
дазхәыцуеижьҭеи. Иахьа абарҭқәа ихы риҭеит, дықәиоуп
абарҵаҿы, дхәыцуеит:
«Қьаранџьык даазгазар, уи шықәсык еиҳа дмаан­
ҿасыр ҟалап. Аусутәқәа дрышьцылаанӡа дсасуп, дҿыцуп
ҳәа имаршәа шыскуа, иҿҳәара цоит, нас даҽаӡәы снаишь­
ҭалахроуп... Абни, Леуан зыӡбахә иҳәало, аӡла­гарахьча
аурыс Иван дсыдызгалар, иашьас дҟасцар... Аурысгьы сара иашьас дызласыхәарҭоузеи, аха «аешьадаразы амба шьаҟа гәыдызкылаз» — ҳәа, ҳаҭыр иқәысҵар,
пату иқәысҵар, исымоу ахәыҷы даласырхәыр, нас уб­
ригь дуаҩыми, бзиа дшаабо идырыр, иаргьы бзиа ҳаш­
Ачачанцәа — араҟа иаанаго ауаа цәгьақәа акәхап.
ԥеимбари?.. Ҳаицхыраар, ҳныҟәибагап. Ҵоуп, бызшәала
ҳаиқәшәом, аха Камаҷыҷ хәыҷы хар лымамкәа илҳәоит,
саргьы «шалҭаи-балҭаик» еилсырго сыҟоуп.Уи абызшәазы
егьоурым, абри аф зысыз ауаҩышьоуп, ауаҩышьа мыжда! Иуаҩышьа бзиахар, уаҳа акгьы сҭахым. Уи сҳәеит ҳәа,
ҳара иаҳнымаалаз, уи уаҩы иҿы дхәарҭам. Егьа уаҩышьа
бааԥсы имазаргьы, ҳара иаҳнымаалаз, уи дзеиԥшрахаша
сыздырам, уи уаҩытәыҩсак иҿы ихәарҭоу аӡәы иакәым.
Уажәы, убри Иван иашьас ҳәа сааиԥхьар, исылшарызеи
убри исҭаразы, иуаҩышьа еилыскаанӡа? Сыҩны-сгәара
зҳәаз иеиԥш, уи уажәы дысзақәыргәыӷуам. Чнырс,
хьчас даазгозар, исҭаша здыррын, уи мариан: лабакы­
ша ӷааҵыск аҟара наисҭон30, нас — сырахә рҵакыра аб­
жа. Абри еиԥш аус иаҳа ихьанҭоуп. Уажәы зназы ифатәи
ишә­ҵатәи рзы дмашшуа дҟасҵап. Нас сырахә рҵа­
кыра даласырхәып: х-камбашьхьаки фыжәхьаки сымоуп, иара данааиуа аамҭа инаркны убарҭ рҵакыра
дрылахәны дҟасҵап. Дычмазаҩхар, сихылаԥшып. Сара
сыԥсы ҭанаҵы убас ҳнеибагалап. Ацәаӷәага ацәуӷә замана сымоуп, ацәкамбашьқәа уӷәк сымоуп, ауардын,
ацәаӷәага ацәмаҭәа, ацәеиха уҳәа, насгьы адгьыл замана — аҽаҩра дгьыл акәызар — сара исымоуп. Ҳаицынхап,
ҳаицаарыхып, ҳафатәи ҳашәҵатәи рзы ҳмашшуа ҳҟалап...
Сырахә рҵакыра абжа анисҭа, ҩышықәса, хышықәса рыла
иаргьы ихатәы рахә иоуп; урҭ иҭаххар иҭиип, ҷыдала ихы
иаирхәап; мап анакәха, изанызаап ихатәы рахә, ирахә
ирызхалап. Ҳаицырхылаԥшлап, ҳаихәап, еиҿу ҩеишьцәак
реиԥш. Ҳанхареи ҳанҵыреи раҳасаб аауп. Насгьы Леуан
излеиҳәаз ала, уи аҵара змоу уаҩуп, уи арзаҳал ииҩуа
ахаҳә еиҩнажәоит, рҳәоит. Камаҷыҷ уи абызшәа бзианы
иҿылҵаар ҟалап, аҩреи аԥхьареи усгьы ибзианы илдыруеит. Уи са сзы хәы змаӡам акоуп. Иаразнак ҩ-жьак зкыз
Лабакыша ӷааҵыск аҟара наисҭон... — ачныр данрыдыркыло
раԥхьаӡа идыргалоз аԥстәы «лабакыша» ахьӡын.
сиеиԥшхап. Иара изынгьы кыр иаԥсоуп абри иабжьызго дазыразхар. Аԥҳәыс дааигар, атәарҭа-агыларҭа азы
деиҵасырхарым. Абар шықәсык, шықәсыки бжаки раҟара
аӡлагара дыҵатәоуп, алымт дагаха: дыӡәӡәам-дыҳәҳәам,
ддагәахарц егьигым, алу ашьҭыбжь ихы ҭнаҟьан. Абри
сгәы иҭеижьҭеи ԥыҭк ҵуан, аха исзыгәаӷьуамызт, Леуангьы хәыҷык илымҳа инҭысшьит, аха иара убри азы цқьа
аха анимоу, саргьы уа саанхеит.
Леуан уаха даашт, ма уаҵәы шьежьы. Дшааилак, абри
сгәы иҭаскыз аус зегьы наиасҳәап. Игәазцошәа из­бар,
дсыманы сцаны диасырцәажәап убри аурыс. Дҳақә­
шаҳаҭхар, ашәҟәы-абыӷьшәы зҳәаз иеиԥш, акы ҳҭаххар,
иара Леуан иҳарҩып...» — ҳәа иӡбауан Алиас, ус Есмеи
Ка­маҷыҷи абарҵа иааҵалт. Алиас дԥышәырччо, ихы
дҩахан днарыхәаԥшит.
— Иууазеи, уара, убамба раԥхьа ипытызшәа, узырччозеи? — днаиахәмарит Есма.
— Нан, бара, ажәаԥҟа, ажәа самарҟәыл ибҳәаз аҳәсақәа
роуп еибызҳәо, урҭ роуп абамба лазҵо-иаазрыхуа, —
лҳәеит Камаҷыҷ дахьгылаз.
— Шәара шәбамбатәы акәым ишәҳәаша, шәзызцаз
ачымазаҩ дышԥаҟоу? — иҳәан, днарызҵааит.
— Ачымазаҩ дагьыӷәӷәаӡам, аха уеизгьы уцаны дба, —
рҳәеит Есмеи Камаҷыҷи.
Алиасгьы урҭ ражәа ааҩбамтәкәа Шьарифа лбара дцеит...
Алиас абри аҽны, игәы иҭеикыз дшазхәыцуаз, ҽеила
ҭынч дзымцәажәаӡакәа иааиршеит. Адырҩаҽны ианааша, Леуангьы дааит, Алиас иӡбны игәы иҭакны имаз зегьы еиҳәеит:
— Леуан, дад, «аҭырқәа уаҷар данкәатраха31, ижәытә
дефҭар даԥшуан» — ҳәа, сымч анкәадаха, абри иуасҳәаз
Акәатрахара — аӷархара.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Камаҷыҷ - 07
  • Büleklär
  • Камаҷыҷ - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3427
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2120
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3560
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2142
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2158
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3658
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3602
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2133
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3557
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3624
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2156
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3603
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2105
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2025
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3675
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2086
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3579
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2007
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3636
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2077
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3667
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2040
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 552
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 422
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.