Latin

Камаҷыҷ - 05

Süzlärneñ gomumi sanı 3602
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2133
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Убас ҳаӡӷаб аӡы дызӡааҳархрыда ҳәа иазхәыцуа
иштәаз Камаҷыҷ хәыҷы даацәажәан:
— Абраҟа аҷкәын Леуан ҳәа аписар иаало сишәырна­
ҭыр, аԥхьарагьы аҩрагьы убри исирҵарын, — лҳәеит.
— Абри илҳәаз даараӡа сгәазцеит, иашаны, убри апап
наҭрада узышьҭоу ашәҟәы уимҭозар, убри диҳарнаҭып,
— лҳәеит Есма, Алиасгьы убри даалықәшаҳаҭхеит.
— Бан бара дбыкәыхшахааит, ҳара ҳаиҳа бара бгәы азцеит убри аус ианаалоз, — лҳәан, Есма Камаҷыҷ даагәы­
дылкылт.
— Ари аус ҳархиеит. Иаҳшьыша ашьтәа ҳамоуп.
Леуан аха анимоу, ҳааиԥхьар, дааип, уи ҳара ҳауара
мап азиҳәом. Апап ара дыҟоуп, дабаҳацәцои. Аха
убри агәыргьынхаҵара ҳәа апап ииҳәаз азы цқьа
срызҵаароуп. Абри еиԥш закәан уаҩы иаҳахьоума, ибахьоума? Сзашьҭоузеи ҳәа исеиҳәоу, иҵабыргыҵәҟьаны
исеиҳәоу, убри цқьа еилсыргароуп. Дук мырҵыкәа, аха
шаасоуа еиԥш, сцаны сизҵаап.
— Убри агәыргьын хаҵара атәык арахь исоумҳәан.
Ҳажәымҭыҽха уареи сареи ҳаивагыланы, ауахәама ҳаҩ­
наргыланы, агәыргьын ҳхаргыланы, ауаа ҳхыччо. Егьырҭ
зегьы шыҟазаалак, абри ак соумҳәан, — лҳәеит Есма.
— Саргьы уи иахәарҭоу сакәӡам, — иҳәеит Алиас. Абас
анеибырҳәа ашьҭахь, зны иҿынеихан, дцеит апап иахь.
Ԥыҭрак ус баша еицәажәон, иажәа акгьы алымшеит,
апап ииҳәац иҳәон. Ашьҭахь Алиас даацәажәан:
— Аӡӷаб лнаҭразы сара сыҽсырхиеит. Ӡаахҩыс абри
ҳписар Леуан иқәкны сыҟоуп, — иҳәеит.
— Уи ҟаимаҭуп, — иҳәеит апап.
— Нас уи ашьҭахь ашәҟәы изуасҳәаз азы ҳаиҵазырхо
ҳәа кыр ҟалома?
— Уара узышьҭоу аус азы анаҭра шәҟәы мацара азхом,
Алиас, уи ахьԥоузымдыруеи?
— Нас уаҳа иаҭахыхузеи, анцәа дзықәшәирыз, —
иҳәахт Алиас, уи имаҳаӡацшәа.
— Уԥҳәыси уареи агәыргьын шәхашәымҵакәа, уи
ашәҟәы иусҭо акгьы иаԥсам.
— Уи шԥа?
— «Уи шԥа», умбои, агәыргьын зхам рыхшара закәан
хшарас ирыԥхьаӡом.
— Нас сара сыӡӷаб уара дышԥоуԥхьаӡои?
— Уара уӡӷаб, уи угәы иалымсын, Алиас, закәан иԥҳам,
закәан хшарам!
Алиас дааилашәан, дҩагылт дазгәаашәа.
Апапгьы дшәан, дҩагылан, хәыҷык иажәа ааирԥшӡар,
иааиркәадар иҭаххеит, аха ииҳәашаз иҳәахьан, далгахьан.
— Ишԥыкәу сара сыӡӷаб дышзакәан ԥҳам, сара дсыԥ­
ҳами, нашԥҳаума, нас? Абри еиԥш ажәа аасоумҳәакәа,
уаасеихсны сушьыр иаҳа еиӷьын, сара егьа сҳәаргьы, уи
баша исоуҳәоз џьысшьон...
— Баша ишԥауасҳәои, уи аӡӷаб уара дуԥҳам, уԥҳәыс
дылхымшеит ҳәа акәым сара исҳәо, агәыргьын ухамкәа,
ахшара иумоу, ҳара ҳзакәан ала, ҳара апапцәа ҳнапы
иану аус аҳасабала, закәан хшароуп ҳәа ашәҟәы сызу­
ҭом, агәыргьын ухамкәа, абриоуп сара иуасҳәарц исҭаху.
Егьы­сала, уара уԥҳа, дызшаз дисасуп, уара дышԥоуԥҳам,
уа­ра дуԥҳауп.
— Ус анакәха, ҳара ҳқыҭан агәыргьын зхам рацәоуп,
нас урҭ рыхшара зегьы закәан хшараӡами?
— Закәызеи, Алиас, иуҳәо? Урҭ зегьы закәан хшароуп шәара шәаҳасабала, аха ҳара апапцәа ҳаҳасабала урҭ
закәан хшарам, агәыргьын рхам азы. Алиас, уара узы
уадаҩрас иалоузеи, ухәыҷы данунаҭуа ауха ахәылԥазы
уԥҳәыси уареи ухәыҷы дызнаҭуа ауаҩи шәааир, уи
абраҟа агәыргьын шәхихып, нас ахәыҷы аӡы дӡааихып.
Ари акыр зҭаху акы акәӡам.
—Акыр зҭаху акы шԥакәым, ҳара аҭаҳмадацәа ҳажәым­
ҭыҽха ҳмитаҟә-митаҟәуа, ҳаишьҭагыла ауахәамаҿы ҳаа­
ны агәыргьын хаҵара, уара ишԥоубо? Даара иԥхасшьоит.
Сыԥшәма илымур ҟалап, сара изуӡаргьы.
— Ари ԥхашьараӡам иқьырсиану изы. Уи еицәоу
ԥхашьара, хьымӡӷ злоу анцәа уақәимыршәааит! — иҳәеит
апап. — Нас зеиԥш уҭаху ашәҟәы усҭап, иахьноуго вба
рзамҭо. Нас уӡӷабгьы ашкол дынҭоуҵап, аҵара лоуп,
дуаҩ­хап, — нациҵеит апап.
— Иуҳәогьы саҳауеит, аха сшыҟалара сыздырам, —
иҳәан, дҩагылан, Алиас аҩныҟа дцеит. Амҩан дахьцоз,
аб­ри апап иажәа дазхәыцуан, иахуго вба рзамҭо ашәҟәы
ус­ҭап, нас уӡӷаб ашкол дҭоуҵап, дуаҩхап ҳәа иеиҳәаз.
— Сара агәыргьын хаҵара хьымӡӷшьаны, сыӡӷаб лым­­
ҩа сырҟәар, лыгәнаҳа сықәшәап. Уи аҵкыс сазааир еи­
ӷьуп. Аҩныԥҳәысгьы дышԥазымааири, — ҳәа дхәыцуан
Алиас.
Аҩны дахьааиз, иԥҳәыс дынизҵаа-ааизҵааит, аха ус
иаарласны акгьы леимҳәеит. Ԥыҭрак анаабжьыс, ацәа­
жәа­ра игәаҳәошәа данааҟала, Есмагьы хәыҷык длах­ҿых­
шәа даниба, нас иаацәыригеит апапи иареи еибыр­ҳәаз.
Есма ари ажәа лхы аалхнаҟьеит.
— Апап уиргәыбзыӷзаап, шьҭа агәыргьын ухоуҵаргьы
цәгьа иумбошәа узбоит. Уи аԥаҵа дугьы уаргьы шәаба­
ҟаз рҳәааит! Убри акәын уажәы иҳагыз, ҳанажә, агәыр­
гьынхаҵара, убырҭ апапцәа ржакьа рсо аамҭа анцәа
иҭаргыл!..
— Бара, апап ихароузеи, ҳаӡӷаб џьара шәҟәыԥхьарак
ҳазлырҵозар ҳәа ауп, апап сҳәаргьы, адикәан сҳәаргьы,
уахь сыздәықәу...
— Убырҭ апапи адикәани иузыҟарҵо акгьы ыҟам. Амала ҳажәымҭыҽха ауахәама ҳҭаургылоит, ауаа ҳхыччо.
— Сыӡӷаб аҵара сызлыҭанда, ҩынтәгьы агәыргьын
схасҵарын. Бара ишыбҳәо сыздырам, аха ҳаӡӷаб аҵара
лыманы дҟалар, ҳара ҳзы заҟа ихьӡ дуу бдыруама! Убри
анаҩс ларгьы дуаҩхап.
— Уӡӷаб аҵара лоур, аҷкәынцәа асалам шәҟәы рзы­
лыҩуа далагап, нас ахьӡ ду улыргап! — лҳәан, лааигәара
акьанџьазы аҵкы зӡахуаз Камаҷыҷ лхы днықәсит, дазаа­
самырҟәылшәа.
— Уаҳа ишәҳәара аншәмоу, сара асамырҟәыл сылшә­
хуеит, – лҳәеит Камаҷыҷ, днагылан, наҟтәирахь ахәшҭаа­
ра дныҽҳәатәеит.
— Закәызеи, дад, ибӡахуа? Ҳара аҭыԥҳара базаҳкуеит,
бара акьанџьа аҵкы азыбӡахуама? — иҳәеит Алиас.
Нас дырҩегьых аицәажәара иналагахт, ахәыҷы дшыр­
наҭша, агәыргьын шырхарҵара атәы. Алиас имуӡошәа
анылба, Есмагьы дазыразхеит, еиҳарак ҳаӡӷаб акы илы­
хәарҭахоит ҳәа.
Абри ашьҭахь ԥыҭк анаабжьыс, аписар Леуан адырра
ирҭеит абри еиԥшгьы, абри еиԥшгьы азы уаҳҭахуп ҳәа.
Иаргьы мап имҳәеит. Алиас иуара ҵкьыҵкьеишьозма,
деигәырӷьаны дазыразхеит.
Уажәшьҭа русқәа дырҽеит, апап иниацәажәан,
аҿҳәара иҟарҵаз ауха аписар дрыманы инеин,
маӡалашәа апап агәыргьын рхаиҵеит, нас уахьынтә
инагьежьын, Алиас иҩны иааин, агәылацәа ааизырган,
ахәыҷы дырнаҭит.
Ауха шаанӡа ачара инахатәан: ихәмарт, иччеит рызхара. Камаҷыҷ хәыҷы аҩынтәраан данырныҳәоз, лыҩхәы
аныржәуаз, лыхьӡ змааназ, иаҵанакуаз, даниз аҳәсақәа,
ахацәа уҳәа ирҳәақәаз ргәаладыршәеит: ахаҵамус аҿы
ахацәа дышреиӷьхаша, хьымӡӷык шылымгаша, аԥҳәысмус
азгьы аҳәса дреиӷьны дшыҟалаша атәы, насгьы аҵара
бзиа лоуны, анхацәа ирзеиӷьу аус ныҟәылго дшыҟалаша,
агәабзиара шлоуша атәы зегьы рҳәақәеит.
Апап дахьтәаз, апапи адини рызгьы усуҩ ӷәӷәаны дҟа­
ларазы ҳәагьы, нациҵеит.
— Уи шԥа, апапи адин уси зыркәадашазы дусуҩ ӷәӷәа­
ны дҟалааит, уҳәама? — иҳәеит Леуан.
— Ҳаи, уара Леуан маӡа уҳәа, аргама уҳәа, абри аԥсаҭа
ус иаԥырхагоу акәымзар, даҽакы уҳәом. Амала ирҳәом
уара асоциалистцәа рҿы маӡала аус ууеит ҳәа ирҳәо, —
иҳәеит апап дгәааны, дагьыҩагылт, амцеиԥш деибакуа.
— Ааи, уара уакәын ари сазымҳәацыз, уаргьы уаха абра
уаацәырҵит. Уажәы аакьыскьа ахылаԥшҩы дсацәажәон
абри аҵыхәала, уара уакәхап убри иҿы ибыжәыз!
— Дбыжәит, захьӡузеи, сара ишԥыкәу сышбыжәуаз!
Ишԥыкәу ушсацәҳауа? —иҳәан, апап аишәа даахыҵит.
Алиас днеин,апап диҳәо-дичо аарлаҳәа аишәа дна­хаир­
тәеит. Ашьҭахь Леуан иахь днагьежьын, акы еиԥшымкәа
суҳәоит, уаха сыҩны, счара хәыҷаҿы, апап уимацә­ҳа­­
разы, шәгәы нибамырхаразы ҳәа, нас егьырҭ ачара иа­
хатәа­қәазгьы зегьы нарыбжьалан, иааиндыршәашәа рун,
дасу рҭыԥқәа рҿы иеиҭанадыртәеит. Нас ачара еиҭа­
дырҽеит...
Убас шаанӡа ачара иахатәан, ианша, дасу рыҩнқәа
рахь ицеит, аԥшәма дныҳәа-ныԥхьаны.
Асасцәа нықәҵны рыҩнқәа рахь ианца, Алиас даа­
цәажәан:
— Ҵоуп, ахарџь ҳауит, аџьабаа аабеит гәамԥха-цәым­
ӷха ахәыҷы даҳнаҭит, ҭакрак еиԥш иаҳаԥхьаӡоз агәыр­
гьынхаҵарагьы аагәаӷьит. Аха шьҭа агәра ганы сыҟоуп,
ҳаӷоу инасыԥ цәгьахеит, мамзар ҳаӡӷаб ашкол даанахәап
ҳәа, аҵара лоуп, дуаҩхап ҳәа, — иҳәеит.
— Иаамушаз, иаҳамгәаӷьышаз анаагәаӷь, уажәшьҭа
усгьы ма ҳаӡӷаб аҵараҿы даанахәанда, — лҳәеит Есмагьы.
— Уажәшьҭа аҵараҿы даанахәарым ҳәа сшәом. Аха,
ак басҳәоит бара, ҵыԥх аӡӷаб ашкол аҿы данназга, убри
ашкол еиҳабы, аԥҳәыс еиқәыззашәа иҟаз, уӡӷаб аҩрааԥхьара ҳәа акыр лдырӡома ҳәа дсазҵааит. Ибдыруазеи
сынтәа данназгалак убри ҿарԥас исылҭар.
— Нас угәы иҭоузеи убри азы?
— Сгәы иҭоузеи, бымбои, уажәы усшәа исҳәоит, наҟнаҟ иаҳа ҳазхәыцып! Абри ҳахәыԥҳа ҿыц Леуан тәым
қыҭантәиуп. Абраҟа иан дыҟам, иаб дыҟам зҳәаз иеиԥш,
асҭаршын иҩны дыҟоуп. Абрахь ҳааиԥхьаны ҳаҩныҟа
даагар, иара изынгьы еиӷьуп. Ҳаӡӷабгьы анбан хәыҷык
лирҵар, убригь акы илыхәарын, ашкол аҭаларазы вба
лырҭарымызт.
— Уара уԥхыӡгьы улабҿабагьы убри аӡӷаб ашкол лҭа­
ҵара акәымзар, уаҳа даҽакахьы ухы ыҟам. Иҟаҳҵап уб­
ригь, иалшо аабап, иара ҳахәыԥҳагьы ииҳәо, игәы зызцо
еилаҳкаап.
— Уи мап иҳәап ҳәа, бара бымшәан, уимоу ҳаиуацәа­
хаанӡагьы иара арахь исеиҳәахьан, ҳара ҳҿы дыҟазар
шеиӷьишьоз. Ибымдыруеи ҳасҭаршын иуаҩышьа?!
— Уи иҟны асҟаамҭа дызлаанҿасызгьы уамашәа избоит... Аха асҵәҟьа иаарласны акгьы иоумҳәан. Наҟ-наҟ
иаргьы игәы иаанаго убап, иуаҳап, ҳаргьы ҳазхәыцып, —
лҳәеит Есма, убри аҿгьы иаанҿасит.
Абри ашьҭахь, жәабаҟа мшы ааиасуаны, аизараҿы
Алиаси Леуани еиқәшәеит. Даараӡа гәахәас иҟаиҵеит
Леуан Алиас иеиҳәаз. Дук мырҵыкәагьы Леуан дааит дара рахь. Деиҵазырхоз, «ацгәы хҵәаны алыӷәра
иқәлеит» — ҳәа, иҽи икәадыри ракәын имаз, иҽы днақә­
тәан, дааит. Убри аҽны инаркны Камаҷыҷ ашәҟәы даир­­
ԥхьо далагеит.
Абри деигәырӷьон Алиас, адунеи амаа зкыз аӡә
иеиԥш ихы иԥхьаӡон, адгьыл шьаҵатәыс иман, ажәҩан
— хылԥасы, убриаҟара абри аус деигәырӷьеит.
Камаҷыҷ ашколқәа рахь ацара аамҭанӡа, фба-быжьба
мза рыҩнутцҟа аԥхьареи аҩреи ибзианы илҵеит, даара
згәеилыхра бзиаз аӡәы лакәын. Уажәшьҭа деиҵазырхо
ҳәа ус ыҟам, ианаамҭоу лнагароуп, избан уҳәар, ҵыԥхгьы
хәыҷык абри аус иақәдыргәыӷхьан...
XVI
ДЫРҨЕГЬ АҞӘАҞА
Аамҭа ццакуеит мыцхәы аус зуа рызгьы акгьы зымуа рызгьы. Зегьы рзы еиԥшны аамҭа ццакуа
ицоит, аха зегьы еиԥшны рхы ирзархәом.
Абри аамҭа даара лхы иалырхәеит Камаҷыҷ: аҩра,
аԥхьара, аҳасабра уҳәа даара ибзианы илҵеит, амала
абызшәазы, аурыс бызшәазы, ҳәараҭахым, кыр деи­
ҵа­­ханы дыҟан, избан уҳәар, Леуан иахьтә иаалаҳауаз
акәым­­зар уаҳа аӡә иахьтә илаҳауамызт, аӡәгьы иҳәомызт
аҩ­наҭаҿы.
Уимоу ақыҭангьы аурыс бызшәа зҳәоз дыҟамызт. Аха
уеизгьы уи аамҭа хәыҷы иалыршаны бзиа илҳәон аурыс
бызшәа, убриаҟара лгәеилыхра бзиан, баҩҷыда лылан
азы.
Ианаамҭаз Леуан Аҟәа апрогимназиахь ишьҭит ар­
заҳал иагәылаҵаны Камаҷыҷ лнаҭратә, лықәратә «аметричаска».
Аамҭа ццакит, аамҭа ааит, иааит Аҟәаҟа ацара аамҭа.
Камаҷыҷ шьыжьӡа дгылт. Уажәы ҵыԥх еиԥш акәым­
кәа сынтәа Леуангьы дрыццоит, Аҟәагьы ауа дрымоуп, ацхырааҩ дрымоуп. Зныкыр даанахәарц дыҟазар,
сынтәа уеизгьы-уеизгьы ашкол даанахәароуп, убриаҟара
цхыраацәа лымоуп, ларгьы бзиа дазыҟаҵоуп.
Какалк ркын, Алиасгьы, Камаҷыҷгьы, Леуангьы нҽы­
жә­леит.
Цәыкьаӡа Аҟәа инеит. Ахәылԥазы Махаз ихәыҷқәагьы
Камаҷыҷгьы акино ахь ирган, асахьа бзиақәа ддырбеит.
Адырҩаҽны шьыжьнаҵа ицеит зегьы Махазгьы дры­
маны апрогимназиахь. Уаҟа ирулак аиҳабы дырбан, ар­
заҳалгьы налырҭеит. Аӡӷаб аҩра-аԥхьарагьы хар лы­мам­
кәа ишылдыруаз нанҵаны, аӡӷабгьы дылдырбеит.
— Уаҵәы ҳрыхәаԥшуеит арзаҳалқәа, аначальник округагьы абра дҟалауеит, — лҳәеит, — иаанахәои иаанамхәои
уаҵәы абраҟа еилҳаргоит. Нас уаҵәы, уаҵәашьҭахь
шәаадгылар, ишәаҳап аҭак, — лҳәеит.
Убри рызмырхакәа ицан, аначальникгьы арзаҳал
ирҭеит.
Ргәы рҭынчны иаахт Махаз иҩны. Ахәылԥазы еиҭар­
бахт акино, асахьа ҿыцқәа ддырбоит анырҳәа, уаҟа ирбаз асахьақәа даараӡа ргәы иахәеит.
Адырҩаҽны шьыжьӡа ицахт дырҩегьых, ишцацыз
еиԥш, апрогимназиахь. Хәлаанӡа иԥшын уаҟа, аха акгьы
рзеи­лымкааит, аокруг аначальник ианаамҭаз дмааит.
Адырхаҽны еиҭацахт апрогимназиахь. Хәлаанӡа
итәан уаҟа, аха аусқәа ирыхәаԥшуеит, рҳәан, дырҩегьых
акгьы рзеилымкааит. Дара реиԥш иԥшқәаз рацәан,
еибар­гәрым-шәрымуа зегьы нықәҵны ицеит.
Аԥшьымш рзы шьыбжьоншәа ԥҳәыск даадәылҵын
(Махаз излеиҳәаз ала, уаҟа аӡӷабцәа азырԥхьо дреиуоуп), иаанахәази иаанамхәази рылалҳәеит.
Абри аус иазыԥшны иҟақәаз зегьы рҽеизыркын, ил­
зыӡырҩуан.
— Абри аӡӷаб аабеи бжаки шықәса зхыҵуа, дрыд­
рым­кылеит лықәра маҷцәоуп азы. Араҟа апансион аҟ­
ны ихәыҷӡоу дрыдыркылом, лҽылзеилаҳәом, лхы дза­
хылаԥшуам, ус иҟоу рзы аӡӡеицәа ҳамам. Убри илеиԥшуп
абарҭгьы, — лҳәан, фҩык раҟара ахәыҷқәа лыԥхьаӡеит.
Камаҷыҷ лыжәла лҳәан: — Ари аӡӷаб лықәра дахыԥеит,
жәеиза шықәса лхыҵит, лықәра дууп, лҵара маҷуп, —
лҳәеит.
— Иҟалазеи, ҵыԥх даазган, «аамҭа иахыԥеит» рҳәеит,
сынтәа даазган, «лықәра иахыԥеит» рҳәеит, «лықәра
дууп, лҵара маҷуп» шәҳәоит, лҵара маҷымзар, шәара
шәахь уи даазгаӡомызт...
— Ишьҭырхыз аус шәыласҳәарц снапы ианырҵеит, ус
изыҟалаз атәы сара егьсыздыруам, — лҳәеит ирылазҳәоз
аԥҳәыс.
— Уи бзиоуп, аха иаанахәаз рыжәлақәа бымҳәаӡеит,
иаанамхәаз роуп зыжәла бҳәа, — иҳәеит Алиас.
— Иаанахәаз абарҭ роуп, — лҳәан, быжьҩык, ааҩык
раҟара рыжәлақәа лҳәеит.
— Арҭ зыжәлақәа бҳәаз зегьы ҭауади аамсҭеи афи­
царцәеи рыхшара роуп. Ус анакәха, ҭауади аамсҭеи афи­
царцәеи рыԥҳацәа роуп араҟа иаанахәо шәҳәар, ҳара
анхацәа амала аџьабаа ҳхы иаҳарбозу, — иҳәеит Алиас,
аха иажәа заҳауадаз, уи аԥҳәыс днагьежьын, лышьҭахьҟа
дцеит, Алиас имала иҽизымшьуа уа даақәхеит. Ицқәазгьы
ихьымӡӷыршьеит, аха иркызи!
— Ианбыкәушь абарҭ нхаҩы изхьамԥшуа ҳхылаԥшцәеи
ҳареи акы ҳанеиҟәнаго! — иҳәеит Алиас, игәы ԥыжәжәо.
— Убри аамҭагьы убахра уҟоуп, — иҳәеит Леуан.
— Уара, абри еиԥш аҳәарақәа шәырҟәаҵишь, ауаа
ирышь­клаԥшуа иҟоуп, ирҳәозеишь ҳәа. Егьырҭ шыҟазаа­
лакгьы уара Леуан амалагьы хәыҷык уцәа цәгьашәа
уҟоуп, — иҳәеит Махаз.
— Сцәа цәгьа егьи, арҭи ҳареи акы ҳаиԥырнагандаз,
иҟалалакгьы, — иҳәан Леуан, инықәҵны Махазраа рахь
ицеит.
Адырҩаҽны ианааша рҩныҟа ихынҳәит, рхы-ргәы
ацә­маҷны, урысыр, шьак рылымҵуа, иахьааз аӡәы дрыз­
ҵаар, иарҳәаша рзымдыруа, аҵабырг рҳәар, иацәыԥ­
хашьо.
Абраҟа Есма днаԥшын, Алиаси Леуани Камаҷыҷ дрыбжьаргыланы ишаауаз анылба, даара иаалцәымыӷхеит.
Ианааҽыжәҵқәа, днеин, лхәыҷы даагәыдылкылт:
— Нанхеит, зхәыҷы џьара дыҟаны аҩны данааилак,
лан лгәы иалсуа уаҩы ибахьоума, аха бара уаҟа бры­
дрымкылакәа бахьааз, бан лыԥсра ббанда, бго-бааго
ҵыԥ­хижьҭеи брымоуп, сынтәа ма брыдыркылоит ҳәа
сыҟан...
— Нан, бара бымшәан, сара аҩны сшыҟоу убра ид­
дырҵо аҟара уеизгьы исҵоит — лҳәеит Камаҷыҷ, лан
лгәала хәыҷык иаалыркәадаразы.
— Уигьы здыруеит, нан, аха... — лҳәоны, Алиас дааникылт.
— Зны аҩны ҳнеип, ҳнатәап, хәыҷык ҳаԥсы ҳшьап,
нас ҳцәажәалап, — иҳәеит.
— Ааи, убригьы ҵабыргуп, аха сгәы ааибакшәа сҟалан,
— лҳәан, лҽаанылкылт.
Абраҟа, убарҭ шаауаз лдыруазшәа, иаҳа ҷыдала рхәы
бзианы ирхианы илыман, абӷьааҳәа рҿы рнапы длырӡә­
ӡәан, рхәы инахалыртәеит. Ҭынч крырфеит, абри еиԥш
иахьӡзар аҭынчра.
Алиас иҽизнымкылт, абӷьааҳәа Аҟәа иӡӷаб дышрыдрымкылаз атәы аҳәара далагеит.
— Уеизгьы вбас илырҭазеи ҳаӡӷаб? Ҵыԥх «аамҭа иахы­
ԥеит», — рҳәеит, сынтәа иҟалазеи зырҳәа?
— Сынтәа иҟалазеи, рхы згаша, иқәызхыша ҟалеит!
— Уеизгьы?
— Уеизгьы, бымбои, ҵыԥх «аамҭа иахыԥеит» рҳәеит,
сынтәа «лықәра иахыԥеит» рҳәеит.
— Ааи, урҭ аҵарҭышагацәа «хыԥарада» акгьы ззым­
дыр­уа, изҵысуа иахзырԥаша аамҭакы анцәа ҳазшаз ир­
гәы­дижьлааит! — лҳәан, дшәиуа аҩны дныҩнашылт.
— Сара суаҩызар, убарҭ ргәаӷ аҟнытә Камаҷыҷ хәыҷы
дҵараданы дынсыжьуам! — иҳәеит Леуан.
— Сара сҳәатәы хеимҵеит акәымзар, абриаҟара ауа­
даҩ далаломызт, аха уи уаҩы иҳәатәы дазыӡырҩуам,
«ашьа ицаша ада иалагылом» — ҳәа, џьабаас уи идзаарын, ихигаанӡа дзашьҭымҵит, — лҳәеит Есма.
— Цәгьарас изузеи? Ауа бзиа дсырҳаит, — иҳәеит Алиас, Леуан иахь днахьаԥшны.
— Уигьы ҵабыргуп, аха ҵыԥхижьҭеи уздынҵәалаз аус
акгьы ахьузалмыршаз ауп сгәы иалоу. Арҭ ахылаԥшцәа
ззыҟоу ҭауади аамсҭеи рзоуп. Урҭ рзоуп аус зыруа. Урҭ
рҵеицәа роуп аҵара здырҵо. Урҭ уанрацлаб убас шухьуаз здыруан.
— Уи аҿы бара бҵабыргуп, ибымаскуам.
— Ишԥасымоукуеи, урҭ анхацәа ирықәтәаны аус
шыддыруша аҳасабоуп ирымоу, ҵарак раҳҭап, егьип ҳәа
акәӡам.
— Анхацәа ирықәтәоит, анылҳәа, уажәы иаасгәа­
ла­шәеит, Гәыԥ, Маршьан Дырмит иаҳҭны аначальник
Филипович Гәыԥаа рысҭаршын А. Бабыз диқәтәеит,
рҳәеит.
Леуан, уара умсааит, убри шыҟалаз шҳауҳәара, убри
уақәшәеит, рҳәоит! — Убри ажәабжь ҳналанагалар, издыруада аԥшәмаԥҳәыс хәыҷык лгәылхашҭыр, ааигәахәт
Алиас.
— Ибзиоуп, нас, — иҳәан, Леуан ацәажәара дналагеит.
— Уажәа хьыла иԥысҟоит, зынзаҵәык уаанҿасишь!
Бабацеи бара! Абраҟа бааӡырҩишь, ахылаԥшцәа анхацәа
ирықәтәоит, бҳәон, иҵабыргыҵәҟьаны ус ишыҟоу Леуан
иҳәоит. Бааӡырҩишь! — иҳәеит Алиас.
Есма дааин, рааигәара даагылт. Леуан, бтәа, иҳәеит,
аха дымтәеит, сгылазааит, лҳәан, уаҟа рааигәара даагылт.
Нас Леуан иажәа ааирҿыцт.
— Уи ссиршәа иҟалеит. Гәыԥ аизара ду ыҟан. Аначаль­
ник Филипович Очамчырантәи дааит убри аҽны, иа­
ныхәла, Маршьан Дырмит иаҳҭныҟа дигеит, истражқәа
шицыз. Даара чара бзиа иуит Дырмит убри ауха. Ачара
ишахатәаз, аҵх кырцеит. Аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи ӡәырҩ
дыркәашеит. Аначальник даараӡа аҩыжәны дыҟан.
Изҳәаз дсыздыруам, аӡәы асҭаршын Бабыз даара дкәашаҩ бзиоуп ҳәа аарылеиҵеит. Ари Филипович илымҳа иҭасит, уажәыҵәҟьа даажәгароуп,
дшәыркәашароуп ҳәа, аҽшьра далагеит. Дырмитгьы укәашароуп ҳәа идицалт, нас даақәлан, акәашара
далагеит. Зынӡак дышьҭхысааны акәашара даҿын,
аинҟьацәагьы зынӡак идырдыдӡеит, ашәа зҳәоз
ракәзар идыркьыкьӡеит... Аҩы иаганы игылаз аначальник, иихәыцх здырхуада, деилашәаны дшыԥшуаз,
Бабыз дкәашо, дшьацәхыртәуа, улаԥш ихьымӡо дԥыр­
уама уҳәаратәы, икалҭқәа ԥырԥыруа иҳаракны, иӡа­ра
еиҩҵәашашәа ипаӡа, маркатылла иаахысҵәап, уҳәа­
ратәы, ихҭарԥа рқьақьа ачыхәеи аҿацәқәеи ааилалан,
абар­ҵа змоу ахылԥа ҟьаҟьақәа реиԥш иџаџаӡа ихы
иава­ԥыруа, ишьапы иааихьишьуаз улаԥш ахьымӡо зны
дшьацә­хыртәуа, зны дықәгьежьуа, зныхгьы дынкаԥашәа
ныҟаҵо, усҟан дԥырны аҩада — ажәҩан ахь — дцома
уҳәа­ратәы, дааивалт аначальник.
Ари еилашәаны игылаз аначальник, уаҳа изымычҳазар
акәхап дууаӡа аишәа дҩықәԥалт. Уахьынтәи дууаӡа
дыԥан, иԥырԥыруа иааивалаз асҭаршын ихәда
днықәтәеит, ишьап­қәа ихәда ихшьы.
Ари уамашәа ирбеит уаҟа игылаз зегьы, игачамкны
иаанхеит.
Аамҭа ӡнын, адәахьы иӷьеҩны иҵаауан, мыцхәы
ихьҭан. Дырмит иаԥсуа уаџьаҟ ду амца агәгәаҳәа иҭан,
уардын бжак ҟалап уҳәартә, амҿы ҭажьын.
— Аа, абааԥсы, наҟ ауаџьаҟ дҭажь! — аӡәы ибжьы
аары­лаҩит уа игылақәаз рахьтә.
Зыбжьы газ ибжьы аҵыхәа ааԥҵәаанӡа, иара Бабызгьы, уи ихәыцны иман уҳәартә, ашьабсҭеиԥш дынкаԥан,
ауаџьаҟ ду днадԥалеит. Ашыжәҳәа ихы нлаирҟәын, аначальник днеихирыҩрын, амцахь иҿынеихеит. Убри аам­
ҭазы ахьҭа иакны истражқәа руаӡәы амца иҽҳәагылаз,
уи уаргьы дудыруеит, Енуқь ҳәа Агәылаа, ахьшь еиԥш
днеимҵасны, амцаҟынӡа днамышьҭкәа днаихеит иара
иахь... Дааиқәирхеит.
— Уи азы асҭаршын изырузи ашьҭахьы? — Алиас Леуан диазҵааит.
— Аҩы иаганы иҟаз аначальник иҟалаз ҳәа акгьы
изеи­лымкааит, иара акгьы анизеилымкаа, егьырҭгьы
егь­рымҳәеит.
— Афырхаҵа иакәын уи асҭаршын. Аӡҩыбжьаа рыс­
ҭаршын Акәыҵниа иаамышьҭахь абри даара ахаҵара
бзиа иуит, — иҳәеит Алиас.
— Абри аначальник иоума Аӡҩыбжьаа рысҭаршын
исыз? — лҳәан, дизҵааит Есма.
— Мамоу, уи даҽаӡәын, Чечелиов иакәын.
— Нас аначальникцәа зегьы аапкыма, анцәа ираапкааит! — лҳәеит Есма.
— Урҭ рахьтә иаапкымыз ҳәа аӡәы дсымбеит. Ҵыԥх
аԥхын ус дук аҵыхәала абжьыуаа реизара ҟарҵеит. Мықә
аусҳәарҭаҿы ажәлар еизаны аначальник изыԥшын.
Шьы­б­жьхышәҭит. Усҟан начальникс иҟаз Коликов ҳәа
изыԥ­хьоз иакәын. Ус ишизыԥшыз, аӡәы ибжьы геит,
аначальник даауеит ҳәа. Зегьы ҩагылақәеит. Ианԥшы,
ана­чальник даауеит, иҵабыргыҵәҟьаны. Даауеит, аха
иҽы дасны, дыҩны даауеит, астражқәагьы рацәаӡаны
ицуп. — «Абри иахьа дзырқьырсианзеи?» — рҳәеит
уа игылақәаз аҭахмадцәа џьоукы. Даара ҵарык иоуп
ҳәагьы аӡәы инациҵеит. Ус шырҳәоз, даарзааигәаӡахеит,
аха иҽы ахы ахьаанимкыло уамашәа ирбон. Заҟа иҽы
ахы аанимкылара, еиҳагьы дасны, имаҳмыз арбаны
ажәлар реидгәыԥлараҵәҟьа далалт, истражқәагьы рначальник ажәлар рыгәҭаҿы амҩа илихыз еицырхәоуны
инанылт.
Аначальник, дзынҟьази инԥази еиҟараны, ажәлар
рыгәҭа дналст, ԥыҭк днаскьаны деиҭаагьежьын, дыр­
ҩегьых ажәлар рыжәпара иарбаны иҿааихеит. Астраж­
қәагьы аахьаҳәын, рначальник иааишьҭалт.
— Ааи, шәанаџьалбеит, аҩы даганы дыҟоуп, ҳанир­
ҵәоит! — аӡәы дыҩныҵәааит. Ус, аначальник иҽы ахы
даамыхаӡакәа деиҭаарылалахт. Ԥаса данрылалаз ажә­
лар ргәырҽанӡамызт, иҽы ахы изнымкылакәа дрылалаз џьыршьеит, уажәы ус иҟамлеит. Аиҳабацәа Осман,
Кьагәа, Ҳабыџь, Гәаџьа уҳәа ажәлар инрылаҳәҳәеит:
— Шәис, зан илеиԥшым! Дҽыжәҳәаны наҟ дкашәыжь!
— ҳәа. Зааигәара днеиз иҽы ахы иасуан, агәчама уҳәа,
иара иаахозгьы рацәан. Ус, дрызҽыжәымҟьакәа ажәлар
днарылсуа далагеит, избан уҳәар, астражқәа ивагылт
наҟ-ааҟ.
Лаба зкымыз ауаа агәырқьҳәа рааигәара иҟаз агәара
инасын, иԥыххаа инықәҵа, аҵәҩанқәа ҩалҳәаны астраж­
қәеи иареи инарыжәлеит, нас астражқәа, аҽыхацәа
аҽыҩ­ҷкәын ивагыланы данырго еиԥш, инаивагылан,
еи­ха­ны рышьҭахьҟа, Очамчыраҟа идәықәылт, ацәгьара
шы­ҟа­лоз анырдыр.
Ажәлар ҵысын ишьҭалт. Аҽцәа, ашьаҟацәа уҳәа
аӡәгьы даанымхакәа, ус зегьы ҳаибарҵысны Очамчыра
ҳнеит. Саргьы убра срылан, ҳара ҳаԥхьа иара днеихьан.
Аказақ сотниа итәаз уҳәа, нас агаҿа хьчацәа асолдаҭқәа
уҳәа агәырқьҳәа рҽааҳабжьарыжьын, ҳаиқәыркит...
— Нас абарҭ реиԥш иҟоу ахылаԥшцәа рҿы акәызма
сыӡӷаб аҵара лоуп ҳәа уахьгәыӷуаз? — лҳәеит Есма, Алиас иахь лхы нарханы.
— Уи сара исуалзааит, Камаҷыҷ дҵараданы дынхозар, сара уаҩыс сшәымԥхьаӡан. Шәара уи гәырҩас
ишәымкын, — иҳәан, Леуан дҩагыланы аусҳәарҭахь дцеит, кырҵуеит уахь сымцеижьҭеи ҳәа.
ХVII
КАМАҶЫҶ ЛГӘЫЛАЦӘА АХӘЫҶҚӘА
АКИНО ДЛЫРБОИТ
Камаҷыҷ ашкол даанамхәакәа лышьҭахьҟа дан­
хынҳәы, ԥаса еиԥшымкәа лҽадцаланы аҵара далагеит.
Аҟәа апрогимназиаҿы изҵақәоз аӡӷабцәа драцлаб­
уазшәа, абри аҿы даара длыцхраауан Леуан.
Зны аҩра-аԥхьара лгәы анарҿыӷь, дыҩны дцеит
ахәыҷ­қәа ахьыхәмаруаз адәахьы.
Ахәыҷқәа Камаҷыҷ лнеира даараӡа еигәырӷьеит, избан
уҳәар, Аҟәа илбаз аҩнқәа, аулицақәа, цәымзада-мцада
изырлашоз уҳәа ртәы, еиҳарак, акино аҿы асахьақәа илбаз ртәы ахьралҳәоз азы. Усгьы лара лахҿыхк лакәын,
уи даннеилак, ахәыҷқәа рыхәмарра иаҳа еиӷьхон,
ргәырӷьара-рыччара иазҳауан.
Ахәыҷқәа дышнеиз еиԥш асахьа илбақәаз ртәы ҳаҳәа
ҳәа дыркит. Асахьақәа рҭыӡшәа иаҳа ргәы иахәон.
— Ишәасҳәахьеит, уаҳа ишԥашәасҳәои! — лҳәан, дыш­
хәыцуаз, агаҟа данынаԥш, аԥсҭҳәақәа неилыс-ҩеилысуа
илбеит, даараӡа данырзыԥшы, акино аҿы илбаз асахьақәа
иреиԥшнылшьалт.
— Шәнаԥшишь абнахь агаҟа, амшын инахыкшәа, хыхь,
— лҳәан, лнапы налырххан, аԥсҭҳәақәа рахь ахәыҷқәа
налырԥшит.
Иҵабыргыҵәҟьаны, амшын инахыкны хкы-хкыла
еиԥ­­шымкәа, акы амра ахьалашуаз, иҟәымшәышәӡа иҟан,
ҿыц иаагәылырхыз абамба бзиа еиԥш, снылатәандаз
уҳәаратәы ичаҟәаӡа икыдын, ҽырҵысра амамкәа амра
алашуа, даҽакых, иаҳа иазцәеиқәараны уи инахыкшәа
икыдын. Уи ашкәакәа еиԥшҵәҟьа иҭынчны, џьарак
ишьа­қә­гыланы иҟамызт. Џьара неирҭак аманы, сзына­
ӡан­­даз ҳәа инеиуазшәа иццакуан.
Даҽа ԥсҭҳәақәак иаҳа иаазцәышшәа, урҭ ԥаса зыӡбахә
сҳәоз аԥсҭҳәақәеи дареи еибамдырӡошәа, џьара зны
еибабахьоушәагьы рҽыҟамҵакәа, инахарашәа ирывсны
ицон, ихьамԥшӡакәа.
Даҽа ԥсҭҳәақәак, зыбӷьы каԥсаз аҵлеиԥш, еилыҟь­
ҟьаны, ихахаӡа, инеивыс-ааивысуа урҭ ирыван инаха­ра­
шәа, зны-зынлагьы урҭ злацо амҩахьала иаарԥыло, абанҭ
иҟарҵо, ргәы иҭоу, рҽыззыркуа аабандаз, рҳәошәа.
Убырҭқәа зегьы рыҵаҟа амҵәыжәҩақәа амшын
аҟынӡа инаӡо, аҵармақьа аԥштәы ахартәаны, алахь
ҵарҟәыҿны, аҽышьҭакны лаҟәы икыдын, «шәара
ишәҭаху жәула, сара шәысԥырхагамхан» аҳәошәа.
Ажәакала, абри аамҭазы, — аамҭагьы амра анын­
ҭа­­гьалоз акәын, — убри ҳазлацәажәо ажәҩан аганахь
аԥсҭҳәақәа неилыс-ааилысуан, инеивыс-ааивысуан,
аӷба дуқәа реиԥш, уаҩ игәы иахәареиԥш сахьақәак
ҳзыҟаҵозар ҳәа ргәы иҭазшәа.
Абарҭ реиԥш аан Камаҷыҷ ахәыҷқәа налырԥшын, идлырбеит. Ахәыҷқәагьы ари уамашәа ибаны, рыла ҭраа
уахь аԥшра иалагеит.
— Шәыԥшишь, аԥсҭҳәа шкәакәа инахыкны аԥсҭҳәа
цәыш аҿы ауаҩ еиҵҳәа ду иқәжьу, иԥынҵа заҟароу жәбо?
Иарӷьа напала ишәақь икуп, ишыжәбо еиԥш, игәиҽанны
дышьҭоуп, аӷа дызмоу аӡәы иакәхап, —лҳәеит Камаҷыҷ.
Ахәыҷқәа наԥшын, иҵабыргыҵәҟьаны, аӡә дуӡӡак
дышьҭоуп дыцәоушәа.
— Уԥшишь, уԥшишь, иԥынҵа, ишәақь, ижакьа заҟароу
умбои? Аа, иԥаҵа заҟа еилачу! — аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи
дааибадырбеит уи.
— Уи дуаҩӡам, ддаууп, заҟа ддуу шәымбои? — иҳәеит
аӡәы, ажәакала, ахәыҷқәа зегьы агәра ргеит уаҟа аӡәы
дшышьҭаз.
Убри ашьҭахь иналырԥшын, идлырбеит, убри ауаҩ
ишьҭахьшәа инахараны, ҽуаҩык ишәақь ишьамхы
иқәкны, абри ауаҩ дуӡӡа дшыҟоу дшааиуаз, лакгьы
ицны..
— Аа, абни ала аҵыхәа ырқьақьаны аҽуаҩ ишишьҭоу,
— рҳәан, дара-дарала еибадырбо иалагеит.
— Уажәы шәыԥшла аиӷацәа еиқәшәар, ирзеибауа аабап. Ицәоу дымҿыхар, дишьыр ҟалап, — иҳәеит аӡәы.
Зегьы рзыԥшуеит, ирзеибауа аабап ҳәа. Аҽуаҩ кыр
даназааигәаха, ицәаз дахьца рымбеит. Дыбналазар акә­
хап, рҳәан, ахәыҷқәа ааибарччеит. Убри аамҭазы аҽ­
уаҩгьы дахьца рымбеит. Уи дишьҭалазар акәхап, рҳәахт
(ари ҟазҵа — аԥсҭҳәақәа рсахьақәа рыԥсахт).
Ашьҭахь, иналырԥшын, идлырбеит: цәы дуӡӡак атәы­
ҩақәа ахаанха, ашьха иқәгылоушәа, аԥсҭҳәа иқә­гыла­­ны
дара рахь ишыԥшуаз.
Нас ахәыҷқәа дара рхалагьы ирбо иалагеит хкыхкыла асахьақәа; ӡдук аҿы ԥҳәыс хыцә дук дҭагылоушәа
рбан, уи ӡызлан лоуп, рҳәеит; ацәқәа еиқәԥошәа, ҽуаҩык
дыҿҟьа-ҿҟьо днеиуашәа, ҩыџьа ауаа алаба дуқәа кны
еи­ҿагылоушәа, џьоукы акамбашьқәа ҵаҳәаны ирыла­
цәаӷәошәа, ҽуаҩык аҭарчеи кны дыҩуа дыҿҟьа-ҿҟьо
днеи­уашәа, аҽцәа агәгәаҳәа уи ишьҭоушәа... убас
иҵегьгьы.
Убас ахәыҷқәа абарҭ асахьақәа ирыхәаԥшуан, амра
аҭашәарахьы инеиханы аԥсҭҳәақәа рымпыҵаӡаанӡа.
— Абасшәоуп ишыҟоу акино Аҟәа избаз. Аха уи иаҳа
еиӷьуп, асахьақәа ааигәа иубоит, иԥшӡоуп, иудыруа уаҟа
исахьа убар, уи ала дудыруеит, — лҳәеит Камаҷыҷ.
— Ԥасаӡа иаабаз ауаҩсахьа ду, ддаууп ҳәа ззыбҳәоз,
уи адау хыхь ажәҩан ахь дназгазеи? — ҳәа илызҵааит.
— Адауцәа абнаҿы, ашьхаҿы иҟоуп ҳәоуп ишырҳәо,
аха уи ҳара иаабаз ддауӡам, амала адау ҳәа изышьҭоу
исахьа кыр иеиԥшуп, — лҳәеит Камаҷыҷ.
Иҵегь иакәызгьы иакәымызгьы рзы азҵаарақәа ан­
лырҭа, лара излалдыруази излалзымдыруази рыла уҳәа
амци аҵабырги неицҵо, зегьы рҭак ралҳәеит:
— Адауцәа рахәыс акамбашь дуқәа рзануп, урҭ рыла
ицәаӷәоит, урҭ рыхш фатәыс-жәтәыс ирымоуп, аҽ дуқәа
рзануп, урҭ ирықәтәаны аԥсхәрақәа рҿы идырхәмаруеит.
Егьырҭ, иҟоуп дырҩегьых ауаа ссақәа, урҭ рахәыс ирзану аџьмеи ауасеи роуп, — урҭ ирыҵаланы ирцәоит.
Ҽыс ирымоу жьақәоуп. Урҭ акәадыр хәыҷқәа рықәҵаны
аԥсхәрақәеи ачарақәеи рҿы икәалаауа, инкәараҵааакәараҵо ақәаҵақәа ирыҵоуп, аҭарчеи ныҟәыргоит.
Абнауаҩы ҳәа ззышәҳәоз — уи абна дылоуп. Уаҩҵас
дыҟоуп, аха дахьтәоу аласкәыгә еиԥш аӡаӡқәа игәы иа­
лыҳә­ҳәоит, ауаҩы дибар, дыкны дигоит. Ӡызлан — уи
дыԥ­ҳәысуп, ианаахәлалак нахыс аӡы еимгәырҽҽо дҭоуп,
лҽылкәабоит, ауаҩы дылбар, дихьынҳалоит — лҳәеит,
нас ажәабжьқәа дынрыланагалан, ԥыҭрак дцәажәон,
ашь­ҭахь дынхьаԥш-аахьаԥшын, — Еилашәшәит, шьҭа
ҳаҩн­қәа рахь ҳцап, — анылҳәа, хәыҷык аҵәыуара дала­
геит, сшәоит, сымала сызцом аҩныҟа ҳәа. Даҽаӡәгьы
убас лхәеит, илҳәақәаз ҵабыргу џьшьа, ахәыҷқәа шәаны
рыҩ­нқәа рахь изымцо иалагеит.
Ҩыџьа-ҩыџьала инаскьалган, рыҩнқәа рахь ицеит.
Ашьҭахь лара илҳәаз ларгьы дацәшәо далаган, лымацара дзымцеит лыҩныҟа. Убри аамҭазы Алиас аӡӷаб аҩны
данимба, дабацеи ҳәа иҿааихан, хәыҷык дахьааскьаз,
гәыла ӡӷабки лареи шааиуаз ибеит.
Агәыла ӡӷаб лыҩны даанижьын, иӡӷаб аҩныҟа дигеит.
Ауха ахәыҷқәа рыҩнқәа рҿы итәаны Камаҷыҷ акино ҳәа идлырбази, нас ажәабжьқәа иралҳәази рҭаацәа
ианрарҳәа, зегьы иџьаршьеит.
Ари заҳаз аҭаҳмадцәа: «Убри ахәыҷы илылҵуа ҳам­
бакәа анцәа ҳаумшьын!» — рҳәон.
Камаҷыҷ ауха дтәаны лаби лани иралҳәеит ахәыҷқәа
акино шыдлырбаз, нас ахәыҷқәа иралҳәақәаз, уи иах­
ҟьаны ахәыҷқәа шшәаз, урҭ моу, ларгьы дышшәаз...
— Ааи, дадхеит, бара зынӡа мӡышәак бакәхеит, Ҳа­
бахә зны абра дтәаны ажәақәа ибеиҳәоз ҵабыргыз
џьыбшьама? Уи адаугьы димбацт, ӡызлангьы, аҵангьы
убас, урҭ лакәуп, мцуп, — иҳәеит Алиас.
— Ҳабахә са сижьазар, саргьы ахәыҷкәа зжьеит, —
лҳәеит Камаҷыҷ.
XVIII
АӠЫ ИАШЬЫЗ ИԤСЫ25 АӠЫ ИҬЫРГОИТ
Ԥхынран.
Ашоура ауаа аргәаҟын, қәак анбаҳзоуришь ҳәа,
лас­сы-лассы ажәҩан иаҵаԥшлон. Ԥсҭҳәак аахымларишь,
қәак ҳзамуришь ҳәа игәаҟуан.Ауаҩы аӡы дагар (ма абахә, аҵла далыҩрны дҭахар), дааганы аҩны даныржлак ашьҭахь «иԥсы» иашьҭалон, избанзар аԥсуаа
рымцхаҵарала, ацәеижь иацәыхҟьаз аԥсы гәаҟуеит, иаԥшаанӡа
иҭынчхом ҳәа ирыԥ­хьаӡон.
Ақыҭауаа ангәаҟӡа, ацуныҳәа ҟаҳҵароуп ҳәа инеи­
бырҳәа-ааибырҳәо иалагеит. Аха уаанӡа инамгакәа, зны
иааимаҩеимаҵәан, ақәа кыдҩырны аура иалагеит.
Уахыки-ҽнаки ақәа ааҟәымҵӡакәа ишауаз иауан.
Аӡқәа хыҵит. Шьҭа аҽааннакыландаз, иҳазхоуп, рҳәо
иалагеит, аха урҭ иразҵаауадаз.
—Аӡқәа анхыҵ,шьҭа ҳәараҭахым,ақәоура иаҟәыҵуеит,
— рҳәеит амшцәгьа атәы здыруаз аҭаҳмадцәа. Аха ақәа
заҵа иаҟәымҵрыз, иаҳагьы аҽарӷәӷәеит, аҽарыцәгьаӡеит,
— ԥшьаха-ԥшьымш иааҟәымҵӡакәа аура иаҿын.
— Аӡәы аӡы дашьызар акәхап, џьара дхықәнажьлаанӡа
ари ақәа аҟәыҵуам, — рҳәо иалагахт урҭ аҭаҳмадцәа.
Афымш рзы аарлаҳәа ақәа аахкәеит.
Убри аҽны ахәылԥазы ажәабжьны иаарылаҩит ргәыла
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Камаҷыҷ - 06
  • Büleklär
  • Камаҷыҷ - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3427
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2120
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3560
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2142
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2158
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3658
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3602
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2133
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3557
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3624
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2156
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3603
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2105
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2025
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3675
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2086
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3579
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2007
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3636
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2077
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3667
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2040
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 552
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 422
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.