Latin

Камаҷыҷ - 04

Süzlärneñ gomumi sanı 3658
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
— Уи зегь ззуҳәо анс-арс ҳәа ҿарԥақәак ҩыҟаҵаны
Аҟәаҟа дызгап ҳәоуп угәы иҭоу, аха уаҟа инаргалак зегьы аанахәо џьушьома, уара мыжда. Уи аҵкыс абра аҩны
уҽаанкыланы, аӡӷаб иҟалҵақәо лумырҟаҵан. Убри иаҳа
еиӷьуп, — лҳәеит Есма.
— Ибҳәогьы саҳауеит, аха абри ҳаӡӷаб агәеилххара
бзиа змоу аӡә лоуп, анапы лыгшәмырхан, аҵара лышәҭ
ҳәа зегьы иҳарҳәоит. Егьԥхашьароупеи абас зегьы иш­
ҳар­ҳәо, ҳлымҳақәа шәаҳаны, ҳхы ҳақәыжьны ҳла­тәар,
«зыбла хызҩаз мшаԥы имбаӡакәа ицеит» рҳәоит еиԥш,
абырсҟаҩык ауаа иҳарҳәо ҳлымҳа иаҳмырҳар, егьыԥха­
шьароуп, егьҳхыччап, акгьы иаԥсамзаап ҳәа. Уи аҵкыс
уаҵәыҵәҟьа снашьҭалоит убри иаҭаххаша аус, — иҳәеит
Алиас.
Ауха иахьтәаз ишьҭалаанӡа убри аҭыӡшәа рыман.
Ес­ма дук лыхшыҩ азцомызт абри, аус. Лыӡӷаб лымпы­
ҵыжьра лҭахымызт. Ари заҳауаз, Камаҷыҷ хәыҷы иауазеи сымцакәа ҳәа дгылан. Аҵара сдырҵозар, бара изыб­
ҭахымзеи ҳәа лан дылҿагылан.
— Нас ибымуазар баби бареи ишәҭаху жәула, — лҳәан,
Есма лҽыргәааны длатәеит.
Адырҩаҽны ианааша, Алиас апап иахь дцеит. Уа да­
хь­­неиз, апап дыҟамызт: Одышьҟа дцеит, мчыбжьык,
жәамш раҟара дзаауам ҳәа иарҳәеит. Алиас даараӡа илахь
еиқә­наҵеит аӡӷаб лықәра шәҟәы ашкол аҿы ирҭаххашаз
ианаамҭаз иахьырмоуз азы.
Адырҩаҽны еизаран,Алиас аизараҿы дааин, асҭаршын
иеиҳәеит, апап иҟамзаарала аӡӷаб ашкол лҭаҵара аамҭа
шицәцоз.
Асҭаршыни аписари неицәажәан, ашәҟәы рҩит Алиас иԥҳа Камаҷыҷ абри аамҭазы диит, абриаҟара шықәса
лхы­ҵуеит ҳәа. Уи ашәҟәы асҭаршын имҳәыр ааирхеит,
иара убас асудқәа ахҩыкгьы иныҳәаныԥхьаны аӡӷаб хәы­
ҷы аҵара бзиа шлоуша атәы рҳәан, ҳамҳәырқәа ашә­ҟәы
раархаразы хәба-хәба ҟәрышь ҳақәнагоит, аха қәашьс
илоуааит ҳәа инеидыркит.
Алиас ашәҟәы ирҭаз иманы дгәырӷьаҵәа аҩны дааит.
Аҩны дахьааиз, иԥҳәыс дналабжьеит, аӡӷаб лгәы ҟазҵаша
акәымзар, лгәы казыжьша ажәак лалымҳәаразы, насгьы
илыгу-илыбзоу азы хәыҷык дналыхәаԥшразы.
Ҳәара аҭахызма, Есма лыӡӷаб лымпыҵыжьра егьа
илцәымӷзаргьы, ԥсыхәа змам аҿы ианнеи, лыӡӷаб дылмырхиози!
Есма лыӡӷаб даалыԥхьан:
— Бара Аҟәаҟа сцоит ҳәа игылоу аӡӷаб, бшааира! Уа­
ҵәашьҭахь баба Аҟәаҟа сигоит ҳәа, агәыла ӡӷабцәа рҿы
быҽхәоит, бымаҭәақәа ахәаԥшра шырҭаху бзымдыруеи?
— лҳәеит.
— Сара скәымжәи, скабеи, схылԥеи, сеимаақәеи зегьы
рыцқьаны, иҵәахны исымоуп, ҳанцо исшәысҵоит, уаҳа
ҳаиҵазырхозеи?
— Ибҳәо закәызеи бара, абзамыҟә, аҷкәынцәа рышкол
бҭаҳҵо џьыбшьома, аӡӷабцәа рышкол ахьоуп бахьиго,
насгьы баб уахь Аҟәа бганы аҽыҩ бақәиртәо џьыбшьома,
ашәҟәыԥхьара бҵаразы бигоитеи? — анылҳәа Есма, Ка­
ма­ҷыҷ хәыҷык иаалцәымӷхеит.
— Нас сыҷкәын маҭәақәа уахь исымгаӡои?
— Аиеи, бара бымсааит, аҷкәын маҭәа бышәҵаны аӡ­
ӷабцәа рышкол бышҭарҵаша!
— Уи егьоурым, аҽы сақәымтәаргьы, сара уаҟа сгәы
ҿыӷьӡом. Баба исеиҳәон сара, уаҟа ашкол аҿы аӡӷабцәа
иҩуеит, ихәмаруеит, еиқәԥоит, аҵәыргыла иахыԥоит
ҳәа. Нас уаҟа сгәы шԥаҿыӷьуеи? — лҳәан, данынаԥш,
агәылаҷкәынцәа рааигәара адәаҿы иааины ишыхәмаруаз
анылба, дыҩны дцеит уахь хәмарра.
— Уара, ари уӡӷаб исалҳәаз уаҳауазма? — лҳәан, лхы
налырхеит Есма лхаҵа иахь.
— Ааи, исаҳауан, ҿымҭӡакәа аччара саҿын, — иҳәеит
Алиас.
— Дахьуго лыздырӡом. Аҷкәын маҭәа лгарц иақәылкит,
умбои!..
Алиас ацаразы иҽирхиеит. Уаҵәы шьыжьӡа амҩа
ҳақәлоит ҳәа леиҳәеит аӡӷаб. Лара дцан, ргәылаӡӷабцәеи
ргәылаҷкәынцәеи — лықәлацәа зегьы иралҳәеит, уаҵәы
Аҟәаҟа сыргоит, ашкол сҭарҵоит ҳәа. Хәыҷык рылахь
ааи­қә­наҵеит, аха ихәыҷқәамзи, ахәмарра ианалага,
ир­­хашҭит. Уимоу, ианылашьца, рыҩнқәа рахь ианеимпуаз, быҵх аабзиахааит, ма мҩа бзиа бықәлааит ҳәа
шырҳәашазгьы рзымдырит, изақәымшәеит. Ус рҳәар,
уеизгьы-уеизгьы дцарашәа, ирымҳәар дынхарашәа ргәы
иаӡбит азы, ларгьы акгьы лзымҳәеит, лгәы хьаблаауа
даарҟәаҵит.
Ахәмаррахьтә аҩныҟа данааи, лангьы лабгьы аҽыр­
хиара ишаҿыз лбеит. Абыржәоуп лылахь хәыҷык ианааи­
қәылҵа, абыржәоуп дышцаҵәҟьозгьы анылдыр.
Ауха акраамҭа лан длыдтәалан, уи дышьҭалаанӡа
дышьҭамлеит ларгьы. Бышьҭал, рҳәеит, аха илымуит,
лгәа­нала лани лаби лгәазхара илбарц лҭаххеит акәхап.
Есма руа бзиа Аҟәа иҟоу изы ачысқәа лырхион. Аказы
иааиҵахаргьы, уи иоуп Аҟәа изықәгәыӷуа, напымацара
уи иҟны ишԥанеиуаз.
Ианышьҭала, акраамҭа дызмыцәеит Камаҷыҷ хәыҷы,
лан лакәзар уи ауха моу, адырҩаухагьы дышԥазыцәоз,
лыӡӷаб Аҟәаҟа дыргоит, акраамҭа дылбом, знапаҿы
дҟалогьы лыздыруам. Алиас иакәзар дыцәаӡамызт, аха
дыцәоушәа иҽыҟаиҵан, дышьҭоуп иҽмырҵысыкәа, избан акәзар иара дшыцәам рдырыр, даргьы змыцәар ҳәа
дшәаны. Даара аҵх кранца ицәақәеит.
Ашарԥазӡа дҿыхеит Камаҷыҷ, лан лыҟнытә днеин, лаб
иҿы дышьҭалт ԥыҭрак, устәи деиҭагьежьын, лан лҟны
дышьҭалт, ԥыҭк анҵы лаб иахь дцарц иақәылкит.
— Ибуазеи, нан, уахада сара сҿы бышьҭалап ҳәа бы­
ҟоума, уахагьы ҭынч, уаҩҵас сара сҟны бзышьҭамло­зеи?
— ҿаалҭит Есма, маӡала дышҵәыуоз удырратәы лыбжьы
иа­ныԥшуа.
Абри Алиас игәы назцеит.
— Ибуазеи бара, ҭынч убра бзышьҭамгылои, ҳхәыҷы
Аҟәа­ҟоуп дахьааго, Сибраҟа дҳашьҭуа џьыбшьома?!
—иҳәеит.
— Убри Аҟәа ҳәа узҿугьы ҳара ҳзы даараӡа ихароу акы
еиԥшуп. Ҵыԥхижьҭеи заҟантә уцахьоу шуҳәара!
Нас, реимакқәа инарҟәаҵын, аӡӷаб илабжьо иалагеит, ашкол аҿы ллеишәа шыцәгьалымтәыша, бзиа ишыл­
ҵалаша атәы уҳәа убас иҵегьгьы.
Ишеит. Аҽқәа акәадырқәа рықәырҵеит — амрагьы аақәшит. Лагәсҭан иҽеилаҳәа-иҽеилаца дааит.
Амҩаду аҟынӡа ианнеилак, аҽқәа абри иоуп аҩныҟа
ихынзырҳәуа. Амҩаду аҿы Алиаси аӡӷаби адилижан
иақәтәаны ицоит.
Инатәан, какалк ркит, нас зегьы абарҵахь ин­
дәылҵит.
Абраҟа иҟан Рафида, Камаҷыҷ кыкахшыла дзааӡаз,
уи лхаҵа Мац. Уи Мац ҳәа сызҿу — ишаанагара иҟоу аӡә
иоуп, иӡара маркатылла иаахуҵәартә ипаны. Иҩычамкәа
ус баша занышь21 ҟама дук иҟәынҵаны, иԥынҵа аазы­
хәашәа, уаҩаԥшьк, ашла ааилаԥсо, есқьынгьы ихҭырԥа
хәа ижәҩахыр иқәҵаны, иҵәатәы лабакьаҿ аҵӷаи ина­пы
ахәда ихаршәны, уаҩы еилҟьа-еилӷәыцәк, уаҩ гәыб­лҩык.
Ари Камаҷыҷ иԥҳак леиԥш бзиа дибоит. Џьара дцарц
дыҟан, аха Камаҷыҷ, иԥҳәыси иареи рааӡамҭа, дымбакәа
џьара дышԥацоз!
Лара Камаҷыҷгьы урҭ, лани лаби реиԥш бзиа илбон.
Иҟан дырҩегьых, Ҭорҟан иан аҭакәажә, нас агәыла­
ҳәсақәа, ахацәақәа уҳәа дырҩегьых иаарыхьӡақәеит.
Камаҷыҷ дгәыдыркылт-дхыдыркылт, дныҳәа-ныԥ­
хьа­ны лҽы дҩақәдыртәеит, бзиа ишылҵаша, дшыбзиахаша, лҩызцәа дышрыҵамхаша уҳәа иналабжьеит. Алиасгьы иҟамчы аашьҭихын, иҿынахамҭазы, иҽааникылан,
рыҩны аԥхьа игылаз аҵлахь дыԥшуа далагеит. Иибазеишь ҳәа егьырҭ игылақәазгьы уахь иҩхьаԥшит.
— Амала сцоит Аҟәаҟа. Ишәымбои, абни аҵысӷра
иҷыр­­­ҷыруа аҵла ақәцәантә хәыҷы-хәыҷы ҵаҟатәи
амахә­­қәа рахь ишлеиуа. Ари уаҩ дажьом, аха уеизгьы
ам­ҩа са­нықәла, сцап, — иҳәеит.
Егьырҭ игылақәазгьы ари аус аманшәалара ишатәымз
ргәы азцеит, аха башоуп, уи аҵыс иадыруа егьыҟам,
рҳәа­қәеит.
Нас дааласхан, дынҽыжәлеит.
Камаҷыҷ, лан лахь хәыҷык дынхьаԥшшәа луит, лыб­
лақәа ааҟаԥшьхеит. Есма, гәала лымаӡамшәа, лҽеихар­
ԥсны дгылан.
– Камаҷыҷ бҽы хәыҷык инықәбмырҩыкәа бцома?
— анырҳәа, хәыҷык лҽы аалырхәмаршәа луит, аха дук
лгәа­лаҟамкәа.
Ус, Лагәсҭангьы дналышьҭагылан, рҽқәа инарысын,
агәашә инҭынҵит ахҩыкгьы.
Азанышь ҟама — ажәа «азанышь» иаанаго еилкаам.
Рышьҭахьҟа иаанхаз зегьы аӡӷаб лныҳәара иаҿын. Ес­
ма лылаӷырӡқәа лыԥҳа илцәылӡоз уажә аргама иаацәыр­
ҵит, лара Камаҷыҷгьы дахьцоз, маӡала аҵәыуара
даҿын. Уаҟа игылақәазгьы акраамҭа ирзыԥшуан, нас
рыҩнқәа рахь рҿынархеит, ҵоуп, абарҭ рахьгьы џьоукы
рылаӷырӡқәа аахаҟәҟәалеит.
XIII
АҞӘАҞА ИЦОИТ
Агәашә инҭыҵны хәыҷык ианынаскьа, Алиас иаԥ­
хьа инеиуаз иԥҳа дналыхьӡаны даныналҿаԥшы,
хәы­ҷык наҟ лхы днахашәа ҟалҵеит, аха уеизгьы лыла­
ӷырӡқәа лзым­ҵәахит.
Аӡӷаб лгәы лхеиршҭразы Алиас ажәабжьҳәара далагеит: Аҟәа шқалақь бзиоу, аҩны бзиақәа шгылоу, афае­
тонқәеи аҽуардынқәеи рыла ауаа шныҟәо, аӡӷабцәа,
ахәыҷ­қәа шырацәоу, иахьа хәлаанӡа ашәҟәы ишаԥхьо,
ишыхә­маруа...
Ус, ажәабжьқәа ҳәо ишнеиуаз, иаарԥылеит Лумани
Ал­хаси — агәылаҷкәынцәа.
— Ааҳыҳ, абри ҩба! — иҳәеит Алиас. — Уабаҳԥылеи уара,
Алхас! Абри амҩа ҳаақәлеижьҭеи, мышьҭацәгьамзар,
мышь­ҭабзиак дааҳԥымлахт, шәабаҟоу рҳәааит, аҩны ам­
ӡырхаҿы — аҵысӷра, ҳахьааскьаз, уажәы зегьы иреицәаз
амышьҭацәгьа — Алхас уааҳԥылт...
— Ҳаи, џьушьҭ, — иҳәеит Алхас, — сара ишырҳәо аҟара
сымышьҭа цәгьам. Ицәгьаӡазаргьы, уара узын ибзиоуп,
— иҳәеит, даахәмаршәа.
— Мап, Алиас, убриаҟара змышьҭа цәгьоу уаҩӡам абри
Алхас, амала игәнаҳа рықәырҵоит абас изызҳәо ауаа, ус
акәзар, шәара ҳасаб азыжәу... абри ишәасҳәо убри изы...
— Уара, Луман, уцәажәашьа злазбо ала исхарам, сыз­
лаҟам акы сзуҳәошәа сгәы иаанагоит, — иҳәеит Алхас.
— Ааи, џьушьҭ, уара умсит уаҳа, иухарам акы шԥасҳәо...
Абар мчыбжьык аҟара ҵышт абнаҿы ӷәык шысцәуаз, саалгоны еиԥш, «Уаа бзиа ууит!» — иҳәан аӡәы даасыдгылт.
Схы сҩахазар, Алхас иакәын. «Аӷәы замана уцәит!» —
иҳәо­ны аамҭазеиԥш, апҟаҩҳәа аӷәы аханытә аҵыхәанӡа
илеи­ҩ­жәа ицеит.
— Нас абри имшьҭа цәгьоуп зҳәо игәнаҳа иқәымшәо
— иҳәеит Луман.
Зегьы ааибарччан, рымҩақәа инарықәлеит. Абасҟак
зылахь еиқәны инеиуаз Камаҷыҷгьы хәыҷык дааччеит.
— Абри амшьҭа, алаԥш ҳәа ирҳәо сара дук ихасҵомызт,
аха уажәы аакьыскьа ссирк сақәшәеит. Убри уажәы
абра иуасҳәап, дук уаҩы ихшыҩ ззимышьҭыша! ажәаб­
жь­заргьы исҳәап, сзашьҭоузеи, ҳамҩа ааркьаҿып, —
иҳәеит Лагәсҭан. — Ишудыруа еиԥш, ҭауади-аамсҭеи
чарак уҳәа, акы аныруа, ҳара анхацәа ҳада иаухәарҭаху!
Уажәы аакьыскьа Кыҷын ачара аниуаз Аҭаранӡа уцаны,
Ормаҭ ҩбаҟа уалыр аҩы уиҭоит, исзаага, иҳәан, суардын ҿыц скамбашь дуқәа наҵаҳәаны Кыҷын иҿы снеит.
Уаҟа иуалыр дуқәа ҩба ауардын инақәысҵан, ачарҭ ахы
снықәтәаны агәашә сынҭыҵуаны Шьаабан даасԥылт.
Шьаабан имшьҭа цәгьоуп, рҳәоит, аха сара ихас­ҵа­
ӡомызт... Ашәа ҳәо аккара сыҵаланы сышнеиуаз, џьы
дук ашьапаны, абас аршьынаки бжаки раҟара адгьыл
ина­ҟәыҭханы, кылҵәара дук аман. Убрахьтә иҭыппуа
уб­ри еиԥш шхырцәаӷь дуӡӡақәак, сара саагылеижьҭеи
урҭ ираҟароу егьысымбацт, аӡәы иҳәонгьы смаҳацт Аба­
ӷыр­ҵыс иаҟароуп уҳәартә иҟан.
Скамбашьқәа ааныскылан, акраамҭа сырзыԥшуан,
нас исгәазырԥха сыздыруам, аҩысҭаау, мышьҭоу, сеиха
аашьҭыхны абри аҿышәҭа снасны, иадпапаланы иад­
тәалақәоу ашхырцәаӷь ааӡа дуқәа надысшьыландаз аас­
гәахәит.
Сеиха схы иаакәыхшаны агәыз аахсыргеит аҿышәҭа
убрахьтә иааҭыппит, аха заҟа ҭыппыз ҳәа сызҳәаӡом,
иаразнак рҽааизакны сара инсықәпапеит. Изулак аар­
лаҳәа сыԥсы сыма ауардын снақәтәеит. Убри аамҭазы
сыблақәа хәыҷык инцәыҵраашәа санԥшы, скамбашьқәа
ирықәпапахьан, урт ҩыҵибарҟьан, абна хыла инасит.
Са­ра ауардын саниалт.
Дук мырҵыкәа џьы махә дук снаҵаргалазаап, саргьы
инасыхьҳәазеит, аха сара акгьы сызнамуит.
Ари амахә ачарҭ аларгылақәа ԥыххаауа ишнеиуаз, шахала ауардын иақәҿаҳәаз ауалырқәа инрысын, иԥыххаа
ачарҭгьы нҭаԥҽыланы амахә ҳнаҵсит ҳәа сгәы ишаанагоз,
даҽа ҵлакы иҩанырҟьан, суардын ԥыххаа, акамбашьқәа
рӷьатамақәа ааԥыҵәҵәаны абна инылабга ицеит, саргьы
сгәы хаххала иԥҽыз суардын аварахьшәа сынкаҳаит. Аха
сыблақәа сызхымтуа ачра иалагахьан. Насыԥшәа, убраҟа
Ҳалыл даасықәшәан, аҩныҟа сигеит.
Аҩны снеигаанӡа сышчра счхьан, сыбла ахьҭоу уаҩы
имбо сыҟан. Ашхырцәаӷь ахьсыцҳаз аҭыԥқәа рҿы аџьык­
ӡырӡ ахьыршьуа, ахырҵәы ахьыршьуа аарлаҳәа сыԥсы
ааиқәдырхеит. Адырҩаҽны скамбашьқәа џьара ӷдарак
аҿы избан, аҩныҟа иаасцеит...
— Лагәсҭанхеит, уара иухьыз амшьҭа иахароу џьушьо­
ма, уара унеины ашхырцәаӷьқәа уанреис, даргьы умеисуази, — иҳәеит Алиас.
Убри аамҭазы амҩаду аҿы иаакылсит, адилижангьы
ааира убри акәхеит.
Лагәсҭан аҽқәа иманы аҩныҟа дгьежьит.
— Саахынҳәаанӡа аҩны, арахә уҳәа хәыҷык усзаархы­
лаԥш, ҵоуп, уаҟа Рафидагьы дҟалашт, аха, — иҳәеит Алиас.
Нас адилижан инақәтәеит. Абраҟа Камаҷыҷ иаҳа
длахҿыххеит, амҩан зегьы дрызҵаауан илымбаӡацыз
аҩн дуқәа, аӡқәа, ацҳақәа уҳәа анылба. Убас Аҟәа иааит.
Адилижан ишынҭыҵыз, иццакны рыуа Махаз иҿы
инеит. Уи даара дреигәырӷьаны дырԥылеит. Чысмысқәак
ҟаҵаны ихәы ҳәа изааргаз наирҭеит...
Иззааз, изыргәаҟуаз наиарҳәеит. Нас дара аҩны иааныжыы дцан, арзаҳал зҩышаз аӡәы дааиган, ирҭахыз
еиԥш акы аначальник округа ихьӡала, даҽакы апрогимназиа22 (аӡӷабцәа зҭаз ашкол) аиҳаб ԥҳәыс лыхьӡала
иирҩит. Ашьжьымҭан Махази Алиаси Камаҷыҷ дрыманы ицеит апрогимназиахь, уаҟа даараӡа акраамҭа иԥ­
шын, аха уи ашкол аиҳаб ԥҳәыс ддәылмыԥшит, аха лымам, рҳәеит. Нас аокруг аначальник иахь ицеит. Уаҟа
зны шәаанҿас, аначальник макьана ашшцәа идикылом,
рҳәан, ирыдрымкылт.
Ус, аамҭа кыр цеит. Иҟарҵахуази, аӡӷаб амла даҳаргома,
рҳәан, аҩныҟа дыргеит. ԥыҭк анбжьыс еиҭааит аокруг
аначальник иҿы, аха дырҩегьых зны шәаанҿас, иҳәан,
ашә аҿы игылаз инеимышьҭит.
— Харантәи ҳааит, изыҟалозар, ҳидикылааит, уск ҳар­
гәаҟуеит, — рҳәеит.
— Харантә шәаамоу, шәахьынтәаазаалакгьы макьана
шәидикылом, шәарамоу, шәара шәаԥхьа иаақәазгьы макьана идимкылацт. Ишәымбои, заҟаҩы уаа абра игылоу,
заҟаҩгьы нахьхьи аҵла ашәшьыраҿы итәоу, — иҳәеит.
— Урҭ ҳәа узҿу раԥхьа ҳара ҳааитеи, — рҳәеит.
— Шәара иахьа шәааит, урт иацижьҭеигьы абра игылоуп, — иҳәеит.Апрогимназиа – ихарҭәаам агимназиа. Аҳәсақәа рпрогимназиа Аԥсны раԥхьа акәны иаартын Аҟәа 1870 шықәсазы, аха аурыси аҭырқәеи реибашьраан аҭырқәцәа ицҟьашәҟьа иқәырҵеит.
Еиҭаартын 1880 шықәсазы
Алиас игәы каҳаит, ари ҳахьидикыло егьыҟам ҳәа. Уи
аҵкыс апрогимназиа аиҳаб ԥҳәыс лахь ҳцап, рҳәан, уахь
ицеит.
Уаҟа иахьнеиз, уажәы аха лымам, ԥыҭрак шәаанҿас,
аизара лымоуп, рҳәахт.
Иԥшит, иԥшит, аха ргәы анҿыӷьӡа, аначальник иахь
ицеит. Уаҟа ауаа еилахаа иштәаз итәахын. Уаҳа акгьы
мҳәакәа Махаз иҩныҟа ицеит иахьа шьҭа иҟаҳҵо егьы­
ҟам ҳәа.
Адырҩаҽны ианаамҭаз ицахт дырҩегьых заа ашкол ахь. Уаҟа уажәы аилатәара рымоуп, аӡәгьы длыдылкылом анырҳәа, аначальник иахь ицеит. Уаҟа
ашәшьыраҿы итәақәаз рҿы инеин, даргьы натәеит, аха
изгәалашәодаз.
Ус, наҟ-ааҟ ишыбжьаз, уи амшгьы рцәыӡит.
Адырхаҽны еиҭацахт иахьцалац. Аначальник иҿы
иахьнеиз ауаа маҷын, хымш, ԥшьымш иԥшыз џьоукы
аԥара рымҵәан, иқәҵны ицеит. Џьоукы ашыӡ рыхьын,
рыҩныҟа рыԥсы ргеит; егьырҭ аиҳараҩык ҿыц иааиқәаз
ракәын, ишакәызаалак, абри аҽны ашшцәа рарзаҳалқәа
аажәг аниҳәа, Алиас иарзаҳалгьы уаҟа инарылеиҵеит,
даараӡа акранҵы, аҭарџьман даадәылҵын, аначальник
инапы зқәиҵаз арзаҳалқәа хнырҳәны изтәқәаз ирзишеит. Алиас иарзаҳалгьы уаҟа инеииркит.
Алиас иарзаҳал аҿы ианын «Апрогимназиа аиҳаб
ԥҳәыс дахәаԥшааит» ҳәа.
Ари егьшалымҵуаз Алиас игәазцан, даараӡа иҭаххеит
аначальник илабара иоур. Махазгьы даараӡа даашаҟьеит,
аха егьилымшеит. Ирухуази, ицеит апрогимназиахь.
Камаҷыҷ хәыҷгьы, исарҳәарызеишь ҳәа, дшәаԥырҳаԥуа
дрышьҭоуп, уеизгьы-уеизгьы аҩныҟа цатәыс илықә­
шәар­гьы, дук цәгьа илымбар ҟаларын, избан уҳәар усшәа
ап­рогимназиа аиҳаб ԥҳәыс илыхцәажәақәон цқьа деилкааны дыздырқәоз: дгәымбылуп, дыџьбароуп, ахәыҷқәа
бзиа дырбом ҳәа.
Абраҟа иахьааиз, адырра лырҭеит џьоукы бырҭахуп
ҳәа, аха ирласны дыздәылмыԥшит. Нас адырра еиҭа­
лырҭахт аокруг аначальник иҟнытә џьоукы априказ ры­
ма­ны иҟоуп ҳәа. Убасҟан даадәылԥшын, «Дызусҭда аб­
раҟа аначальник иҟнытә априказ змоу?» — лҳәеит ԥҳәыс
шәпа дук, еиқәакы, лылацәақәа ҭчааны, лыхцәы лхы
иакәыр­шаны, маҭәа еиқәаҵәала деилаҳәаны, ҟәбас маҟа
ҟьаҟьа дук лымӷаны, лыблақәа бласаркьала ирхианы,
лыбжьы аазгәаҩаны, иазаахарбӷьарны.
Махаз, ҳара ҳауп априказ змоу, иҳәан, абри ауаҩ иоуп
ибыҳәо,иԥҳа ашкол дҭеиҵарацы... ҳәа ацәажәара дшаҿыз,
лара днагьежьын, ииҳәоз акгьы дазымӡырҩӡакәа, наҟ
дныҩнабга дцеит.
— Махаз, уара иуҳәаз уԥхасҭақәа иреиуаны иԥхьаӡа,
уи аԥҳәыс избо, дызцәшәо иакәымзар, аӡәы сихаҵгылап
ҳәа дыҟам, еицжәацижьҭеи амала усырааԥсеит, уус
сырӡит. Ари аус ҳзыҟазҵо ԥҳәысӡам, — иҳәеит Алиас.
Ус шырҳәоз, лара даадәылҵын, Алиас дарбану ҳәа
дрызҵааит.
— Сара соуп Алиас, — иҳәан, лара дшыҟаз хәыҷык
днаскьеит.
— Акы, удокумент, уарзаҳал иагәылоу, аӡӷаб лира
ашықәс зҳәо ашәҟәы изакәан шәҟәым, апап иҟнытә иума­
зароуп, ҩбагьы, ианаамҭаз ашәҟәы алоумгалеит. Иацы
ҳал­геит, ашәҟәы алазгалаз рус ҳахәаԥшит, иҳадаҳкыла­
шаз ҳа­даҳкылт. Уажәшьҭа ҳаԥыхьа уажәаанынӡа егьзыҟа­
лом, — лҳәеит.
— Шәара иацы ишәыдышәкылт ахәыҷқәа, сара абра
бышә сылагылоижьҭеи хымшуп, бызсыхәамԥшызеи?
Егьи ашәҟәы ҳәа бызҿу, апап дыҟамызт азы асҭаршыни
ақы­ҭа рсудқәеи рнапы ақәҵаны иаазгеит... (абни аԥҳәыс
иажәа дук дазымӡырҩыкәа ирласны лышьҭахьҟа дцошәа
аниба, дааццакны), нас ҳаԥыхьа даазгар даанахәару? —
дналызҵааит Алиас.
Алиас иажәа Махаз аиҭагара дшаҿыз...
— Уиаҟара цәажәара иазаауазеи, аамҭа иахыԥеит сын­
тәа, ҳаԥыхьа дааигааит, — лҳәан, днагьежьны дцеит.
Алиас дааилашәеит.
— Махаз ухаҵкы, иуасҳәо уаҳауоу, ауаҩы ацәгьа иуит,
абна дылалеит, рҳәоит, ҵоуп, абашазгьы зхы зырӡқәо
ыҟоуп, уи мап сҳәом, аха абри еиԥшқәа... абри еиԥшқәа
рзы ауаҩы ихы ақәирӡыр — уи зиузеи уҳәар, игәнаҳа
уқә­­шәап,— иҳәеит. — Абар хымшуп сыӡӷаб лнапы данкны ақалақь салоуп, сыӡӷаб лакәым, абар уаргьы хымшуп
усырааԥсоижьҭеи, ма аначальник, ма абри аԥҳәыс аӡәы
уаҩҵас даҳмацәажәеит, аӡәы ила ҳхимырԥшылеит, аус
иаҳзыҟаиҵоз зҭахыдаз! Ԥсҳәы амала ицаны иааз иеиԥш,
схынҳәны сқыҭа рҿы саннеилак, сҿаббаӡа, ирас­ҳәо сзымдыруа, сыӡӷаб дсышьҭаргыланы сынкылсып. Абри еиԥш
аиҳабырагьы ҳаргьы ҳаҟамзар акәын, аха уи ҳазҭода! —
иҳәеит Алиас.
Камаҷыҷ абри лаб ииҳәақәоз зегьы лыхшыҩ рзышьҭны
даараӡа ҟәышк леиԥш дырзыӡырҩуан.
— Уи усоуп, Алиас, аха шьҭа уаала аҩныҟа, — иҳәеит
Махаз.
Иҟаиҵахуази Алиас, еиманы Махаз иҩны шыҟаз рҿы­
ҩархеит. Ауха Махаз иҭан, ашьжьымҭан рыҩныҟа ицаразы рыҽдырхиеит. Алиас иԥҳәыси иԥҳаи рзын маҭәақәак
ихәҳаит. Нас Махазгьы даргьы еиманы адилижанқәа
раан­ҿасырҭа аҟынӡа еиццеит.
Адилижанқәа ирласны ианымца, уаҟа инатәан, ацәа­
жәара иалагеит.
— Иацы ажәаԥҟа уҳәан, иаҵанакуаз сзымдрит: «Ԥсҳәы
амала ицаны иааз» ҳәа? — дизҵааит Махаз.
— Аа, уи змааноу уи ауп, ажәытә уаҩагак иаҳ уаҵәы
Ԥсҳәынӡа усызцароуп ҳәа иеиҳәеит. Ауаҩага ибзиоуп,
иҳәеит, — дыззишьҭуаз ҳәа акгьы еимҳәеит, данишьҭуа
еимҳәашеи. Абзамыҟә дхәыцын, уаҵәынӡагьы сыззыԥ­
шу­зеи, уаҵәы шоуроуп, уаханатә сцап, заҟа ирласны саауа аҟара саҳ исџьишьап, иҳәан, ауха ддәықәлеит.
Адырҩаҽны шьыжьы дыҿҟьа-ҿҟьа Ԥсҳәы дынкылст.
Зыҟны днеиуазгьы издыруамызт, аха аҳ иҿы акәхап анеира ахьаҭаху, иҳәан, днеит Ԥсҳәы, аҳ иҿы.
— Уабаҟаз, уаазышьҭда?
— Саҳ сузааишьҭит, — иҳәеит.
Уззааишьҭызеи ҳәа данизҵаа, уаҵәы убранӡа усызца, аниҳәа, уаҵәынӡа сзыԥшузеи, уаха сцап, заҟа ирласны саауа аҟара аҳ исџьишьап, сҳәан, иаха сдәықәлеит,
сзузааишьҭуаз азы сизымҵааӡеит, — иҳәеит ауаҩага.
Аҳ днахәыц-хәыцын, аа, уи сара издыруеит, иареи сареи ҳаицәажәахьеит, абни ахаҳә ду нахьхьишәа икажьу
сзааҭи ҳәа сеиҳәахьан, убри уаҵаланы, иԥымҽкәа, ирласны изга ҳәа еиҳәан, даҵазза ҵабыргыз џьшьа, иаҳ,
изааигеит.
— Ааи, усоуп, усоуп убас саргьы исаҳахьан, уажәы
исгәалашәеит, — иҳәан, иааибарччеит.
— Алиас, аҩны иумаӡада, иуцхраауа иеиԥш? — диз­
ҵааит Махаз.
— Исымада, аӡәгьы. Уажәы санаауаз, аҩны сыԥшәма
ҳгәылаԥҳәыс Рафида даалызныжьны сааит.
— Дарбан уи шәгәылаԥҳәыс Рафида?
— Уи уаргьы дудыруеит, ԥҳәыс еиқәак, аукы, пакы,
лых­цәы дуны, иԥаны илықәԥсаны, самырҟәылҳәаҩык,
чам­гәырарҳәаҩык...
— Ы-ы-ы, дыздыруеит, дыздыруеит! — иҳәеит Махаз.
Убри рҳәоны адилижанқәа адәықәлара иалагеит.
Махази Алиаси аагәыдибакылт, Махаз Камаҷыҷ
хәыҷы дгәыдикылт, аканфеҭ лиҭеит, ԥарақәакгьы налиркын, днышьҭыхны адилижан днақәиртәеит. Алиас даа­ра
џьшьара ду ииҭеит Махаз иааԥсаразы, нас инықәҵны
ицеит.
ХIV
ИНАҬЫМ АШКОЛ ИААНАМХӘОЗААП!..
Алиас иԥҳа ашкол дахьизҭамҵаз, аиҳабыра ахьиз­­
хьамԥшыз даара гәала дус иман, аха ак зеи­
ҳәодаз!
— Сзашьҭоузеи уеизгьы, исҭаххоит мышкызны,
заанаҵ ирхианы исымазааит аӡӷаб лира ашықәс ашәҟәы,
сара санахыццакуа аамҭазы сынтәа ишсыхьыз еиԥш
џьара дсыцәцар аҵкыс, — иҳәан, днықәланы апап иахь
дцеит.
— Дадхеит, уара сынтәа уҟамзаара даара кыр исԥыр­
хагахеит, сыӡӷаб лира ашықәс ашәҟәы сҭахын ашкол
лҭаҵаразы, уара уаныҟамла, асҭаршыни асудқәеи рнапы ақәҵаны изгеит шәҟәык, аха ирыдрымкылт. Апап
ишә­ҟәы ааугароуп ҳәа сарҳәеит. Уара ушәҟәы аасҭа урҭ
асҭар­шыни асудқәеи рышәҟәы акы иаԥсамзаап аус аҿы,
— иҳәеит Алиас, апап даласыргәыбзыӷып ҳәа.
— Алиасхеит, уажәраанӡагьы убри узымдыруазар, асҭаршыни асудқәеи апап идукылозма, апап
аҳәынҭқараа иаарышьҭыз уаҩуп. Асҭаршыни асудқәеи
абра ақыҭан Ҭорҟани, Мшәагәи, уареи уҳәа иалышәхыз
уаауп, — иҳәеит апап.
— Ааи, ус акәхап, —иҳәеит Алиас, апап дааиқәшаҳаҭ­
ханы, апап игәы иацәымӷу акы, сус иаԥырхагахаша акы
сҿы иҭымҵааит ҳәа даацәшәашәа.
— Уи ашәҟәгьы ааҩып ианаамҭоу. Уи азы уеиҵаҳар­
харым, — иҳәеит апап.
— Иааҩып ҳәа инахга-аахго акәымкәа, зны уара акы
уахнагап, зны — сара, убри аҟнытә иахьатәи амш убри аус
иазыскит. Изыҟалозар, иахьа иҩны исуҭароуп, уааԥсоит,
аха есқьынгьы уи азы сызныҟәом, — иҳәахт Алиас.
— Ус ануҳәах, ҳнахәаԥшыпишь ашәҟәы аӡӷаб лышықәс
зну, — иҳәан, апап ашәҟәқәа дрыхәаԥшуа далагеит.
Акраамҭа дыԥшаауан апап, ус Алиас иахь даахьаԥшын,
ухәыҷы лықәра зну ашәҟәы збом, днаҭӡами уи ҳәа
дизҵааит.
— Днаҭӡам, сгәахәуеит, — иҳәеит Алиас.
— Ус акәзар, ашәҟәы данӡам, лықәра иалздыраауазеи?!
— Лықәра абра Ҭорҟан, Мшәагә, Мац уҳәа ирдыруеит. Урҭ рыгәра умгои? Саарыԥхьап, срызҵаап. Нас урҭ
ражәала исыҭ ашәҟәы сара сыгәра умгозаргьы, — иҳәахт
Алиас.
— Алиасхеит, сара уара угәра сымго џьушьома,
аха аӡӷаб днаҭымкәа убри уара изуҳәо ашәҟәы аҭара
зыҟалом, — иҳәахт апап.
— Убри аасоумҳәакәа, ԥыҭк уара иутәны исықәындаз,
уара исоуҳәаз даара кырзҵазкуа усуп, ахәԥҳа ҳәа аӡәы
дҟоуҵароуп, аџьабаа ду убароуп, ахарџь ду ақәҟоуҵароуп,
убарҭқәа реиԥшқәа сара исҭахымызт. Изыҟалозар, уб­
риаҟара аус саламҵакәа исуҭар, акы еиԥшымкәа иу­
џьысшьап, — иҳәеит Алиас, аха апап уи ауиухуаз!
Ус, ишынеицәажәа-ааицәажәоз, аамҭа кыр цеит. Иус
иахәарҭаз акгьы изыҟамҵеит, Алиас ацара иақәикуаны
еиԥш аан, зны уаанҿасишь, ак сгәалашәеит, иҳәан, апап
ашәҟәқәа дрылаԥшуа, акы аԥшаара даҿын. Даараӡа кран­
ҵы, Алиас агәыргьын ухоуҵахьоума ҳәа дизҵааит апап.
Алиас ари иаҳаз уамашәа ибан:
— Убри акәын уажәы исыгыз, убригь абраҟа инацуҵеит.
Уаҩы ибахьоума, иаҳахьоума, аҽы анажә ибачартәуан
ҳәа, хаҵеи ԥҳәыси анажәлак, агәыргьын рхарҵо. Уажәы
сажәымҭыҽха, агәыргьын схасҵоит ҳәа аӡәы иасҳәар,
ԥсроуп, ԥхашьароуп, — иҳәеит Алиас. — Аҿыц ҿарԥақәа
сзыԥ­шаа ҳәа акәым уара уҿы сзаа, уажәы сзыргәаҟуа аус
сзыҟаҵа ҳәа ауп. Уи ансумҭа, егьырҭ уара еиқәуԥхьаӡаз
зылшо сакәым, сыӡӷаб ашкол лҭаҵаразымоу, дырҩегьых
сганы сҭаркуазаргьы, уи иуҳәаз сара исылшом. Сыццакуеит уажәы. Даҽазны саап, цқьа ҳаицәажәап. Аӡӷаб
лнаҭра мацараҿгьы умаанҿаскәа агәыргьын хаҵара ҳәа
иуҳәаз зылшо сакәым. Убри анаҭра ҳәа узҿу азгьы цқьа
сҭаацәеи сареи ҳмеицәажәакәа изылшо сакәым, — иҳәан,
дҩагыланы иҩны амҩа днықәлеит, ихы иқәыжьны,
дхәыцуа. Агәашә аҟынӡа днеиуаны, Алиас даагьежьит
ашырҳәа апап иахь, акы ихашҭызшәа. — Дад, Кәасҭа,
ака­зы цқьа сузҵааразы схынҳәит, ахәыҷы лнаҭра ҳәа
иуҳәаз уи сара сгәы злазцаз ала, днаҭымзар, ашкол аҿы
даархәом. Уи саҳауеит, аха абри агәыргьын хаҵара змааноузеи? Акы еиԥшымкәа иуџьысшьоит убри еилырганы
исоуҳәаразы. Абар, сажәраҿы сааит, ишубо еиԥш, убри
змааноу сыздырам, — иҳәеит Алиас.
Апап даацәажәан:
— Дад, Алиас, абри агәыргьын хаҵара змааноу убри
ауп, хаҵеи ԥҳәыси агәыргьын анырхарҵа нахыс закәан­
ла хаҵеи ԥҳәыси ҳәа иԥхьаӡоуп, ианырҭаху еилыҵуа,
ианыр­ҭаху еилало ҳәа изыҟалом. Знык хаҵеи ԥҳәыси
ҳәа ианеибага, агәыргьын анырхарҵа, урҭ реилыҵра,
ркеибажьра зыҟалом аҷҟәандар23 уҳәа аиҳабыра ақәша­
ҳаҭымхакәа, — иҳәеит апап.
— Нас убри азоума агәыргьын зырхарҵо? — иҳәан,
деиҭаизҵааит Алиас.
— Ааи, убри еиԥшқәа рзыноуп агәыргьын ззырхарҵо,
— иҳәахт апап.
— Ааи, дадхеит Кәасҭа, уара иуҳәо уи ҳара аԥсацәа
ҳтәы ззымдыруа, иахьеи иаци иааз аӡәы иҳәар уи егьоурымызт, аха уараҵәҟьа абри еиԥш ануҳәа, даара уамашәа
избоит. Аԥсуа иԥҳа, ма иаҳәшьа дкаужьыр, уҷҟәандар
иахьгьы дцом, — ууахәамахьгьы, дыҩкылатәаны, дуеихсны угәы ҵыблаа укаижьуеит. Убри азоуп ҳара аԥсацәа
Аҷҟәандар (аепископ) – ақьырсиан динхаҵараҿы ауахәама
амаҵ­зуҩ­цәа еиҳабацәа дреиуан.
ҳҿы аԥҳәыс кажьрақәа змаҷу, Кәасҭа, уара иззуҳәаз азы
акәзар, иузаԥсам сара сырххара. Анцәа уишазар, усҟәаҵ,
ауадаҩ салоумҵан! Дырҩегьых даҽакгьы уасҳәоит, дад,
Кәасҭа! Уара уҳапапуп, уҳабуп. Аха сара иахьа исоуҳәаз
еиԥш, зегьы ироумҳәан, ацәгьа улырхыр ҟалап...
— Иарбан уи иуасҳәаз?
— Исоуҳәаз, умбои, уԥҳа дзакәан ԥҳам, уԥҳәыс дзакәан
ԥҳәысым ҳәа иуҳәаз ухашҭма? Абри еиԥш азы, сара
џьоукы-џьоукы здыруеит, урҭ ироуҳәар, ааит, сара сыԥҳа
сара сзы закәан ԥҳамзар, уара уоума нас дыззакәан ԥҳау
ҳәа, дуеисыр ҟалоит. «Уагьымҳаџьырны аҟәыдгьы уахәо»
— ҳәа ирҳәо еиԥш, уагьпапны, ауаа шәыҳәсақәа закәан
ҳәсақәам, шәыӡӷабцәа, шәыҷкәынцәа закәан хшарам
ҳәа роуҳәо уалагар, бзиа шәылибамхыр ҟалап, — иҳәеит
Алиас. — Ауаа рыҳәсақәеи рыԥҳацәеи дара рзы изакәан
хшарамзар, нас иззакәан ҳәсақәада, хшарақәада?
— Ус ҳара закәанс иҳамоуп, ашәҟәы ианаҳҵалароуп
азакәан ԥҳәыс дызмоу ҳәа агәыргьын зхоу рзы, изхам —
закәан ԥҳәысны димам ҳәа, инаҭым ахшара димазар —
дзакәан хшарам ҳәа...
— Ас шәара закәанс ишәымазаргьы, даара изакәан
бааԥсуп уи. Убри ажәа «дзакәан хшарам» ҳәа иуҳәаз
иаҵанакуа удыруама? Уи иаҵанакуа уасҳәеит. Абриаҟара
ауадаҩ ҳалашәымҵар ҟамлои?! Аӡә ԥҳәыс дааигар —
ашә­ҟәы ианҵа, ашаҳаҭ даҭахызар, уа ианҵа, ахшара
дуоур — иара убас, ус акәымкәа, аӡәы ԥҳәыс дааигар,
ауа­­хәамахь днеигароуп, уаҟа ажәлар еизоит. Убарҭ зе­
гьы ишырбо аҷкәыни аӡӷаби акраамҭа жәлар рҿы еиц­
цәы­рымҵуа шәара инаганы еивашәыргылоит, насгьы
абраҟа агәыргьын хыхҩы ҳәа хәыԥҳак, ма ҭауадк, ма
аамсҭак абра даҭахуп. Убри арахәҭиаа иҭатәуп, ачара
ду изутәуп. Абри аҿгьы узаанҿасуам, наӡаӡа уи уима­
ҵуҩызароуп. Ажәакала, тәыс ухы иуҭароуп. Анаҭра
ҳәа узҿугьы иара убасоуп, аӡы дӡаазхуа ҳәа ҭауадк, ма
аамсҭак уааиԥхьароуп, убригь убас арахәҭиаа иуҭароуп,
ачара ду изууроуп. Убригь убас уԥсы ҭанаҵы, тәыс ухы
иуҭароуп.
— Уи уара узы мацароума, зегьы рзы изакәанны
иҟоуп, — иҳәеит апап.
— Уи закәан бзиас измоу дсыздырам, аха ҳара аԥсацәа
ҳзы уи закәан бзиам. Ҳара анхацәа уи ҳаимнаҵәоит,
ҳарӷьацом, тәыс ҭауади аамсҭеи рзы ҳҟанаҵоит. Ари
ззы ибзиоу ҭауади-аамсҭеи шәара апапцәеи шәзоуп,
кралашәырҳауеит, ҳара анхацәа уи ҳахнарҵәоит, аԥхьан­
шәа ишысҳәаз еиԥш, иаҳԥырхагамзар, акы иҳахәаӡауам,
— иҳәеит Алиас, дааицрашәан. — Абасоуп шәара азакәан
бзиақәа шаԥышәҵауа.
— Уи зегьы рзы изакәанны иҟоуп, уара узы мацара
акәым, — иҳәахт апап.
— Издыруеит, ари азакәан сара сзын мацара шакәым
изыҟоу, аха иззакәанзаалакгьы, ари ҳара ҳзы ишзакәан
бзиам удыруазааит. «Мчымхара кәашароуп» — ҳәа, ицә­
гьа-ибзиа уа ҳақәымныҟәар шзыҟамло аабоит, — иҳәан,
Алиас иҩныҟа иҿынеихеит, игәы дахаԥжәауа.
XV
ГӘЫРГЬЫН ЗХАМ РЫХШАРА ЗАКӘАН
ХШАРАМЗААП!..
Алиас дгәамҵ-хамҵуа, алеи аҳәеи нкыдҟьо, ахәыл­
ԥа­зы аҩны дааит.
— Иухьзеи, уара, апап дуацәҳама? — лҳәан, диазҵааит
иԥҳәыс Есма, иара иҟазшьақәа анылба.
— Дсацәҳамоу, дагьсысындаз, уи исеиҳәаз сеимҳәакәа.
Аӡӷаб днаҭым, уи днаҭымкәа лира ашықәс шәҟәы, аметричастка24 иҳәоу сыздырам, акы ахьӡиҵеит, сызуҭом,
иҳәеит. Уи анаҭра ахәыԥҳарҳара, ахарџьҟаҵара бара
ишԥаббои? Уи аҵкыс еицәоу аус абаҟоу! Абри аиҳабыра
ҳәа иҳамоу, апап жакьа ду инаиркны, уск уаҩҵас
иаҳзыҟазҵо ҳәа аӡәгьы дсымбеит: Аҟәа сахьнеиз,
ахылаԥшҩы-ана­чальник илабарҭагьы смоуит, ашкол
еиҳабы аԥҳәыс ла­кәызар, лаб дызшьыз сара сакәушәа,
лыбла аахтны дсы­хәамԥшит. Сара сышлацәажәоз,
лышьҭахь аасеирханы, наҟ дныҩналт, дыҩнаббартә.
Уажәы ари апап исеиҳәо ббоит.
— Уаҟәыҵ убри аус, амала аџьа убоит, сара заа иуас­
ҳәа­хьеит егьшалымҵуа. Уара сара сҳәатәы уурҳауам.
Дар­­бан нхаҩ ҭыԥҳау аҵара зманы аԥсацәа рахь иудыруа? Урҭ ахылаԥшцәа ззыҟоу, аҵара ззыҟоу ауаа дуқәа
рзоуп. Уара урҭ урацлабырц угәы иҭоума?
— Ҵоуп, ус нхаҩы ҭыԥҳак аҵара лыманы дсымбацт,
аха уи зхароу ҳәа еиҳарак сгәы иаанаго, аус ишашьҭоу
ианааԥсалак, ргәы анақәԥҵәалак, иаҟәыҵуазар акәхап.
Аха сара исыӡбит сшьапы ханы сшьамхаҟынӡа инаӡаанӡа
сашьҭыҵрым абри аус ҳәа, — ҿааиҭит Алиас.
— Ибзиоуп, нас, уашьҭымҵын абри аус, «амашәыр
аҳам­­пал иалоуп» — ҳәа рҳәоит еиԥш, иудыруазеи, ма­
шәыр­шақә дузаархәар. Убри агәыргьын хаҵаратәык
арахь иумҳәан. Ианамуӡах, ахәыҷы даҳнаҭып. Убри азы
хәы­ҷык ишааура, ишаҳҳәара ҳәа уашьҭан ҳнеицәажәап,
— рҳәан, дасу русқәа нап наддыркит.
Ианаахәла, рырахә-рышәахә зҳәаз иеиԥш, зегьы
рҭыԥ­қәа ианықәырҵа, иааилатәан, анаҭра ҳәа ахәыҷы
лзы апап ииҳәаз азы аилацәажәара иалагеит.
Аметричастка — ахәыҷы данилак даниз, дахьиз, ижәла, ихьӡ,
иаби иани рыхьӡ уҳәа знырҵо шәҟәуп.
— Даҳнаҭып, аха дызҳарнаҭрыда? Ҭауадк, аамсҭак,
зҳәаз иеиԥш, аҩны раагара дук сақәшаҳаҭым. Урҭ раагара
ахарџь ду аҭахуп. Санаӡӡеи, сабаӡӡеи ҳәа урҭ рцара, раара,
рԥылара, рныҟәгара сара саӡәыкны уи сахәарҭам. Насгьы есқьынагьы наҟ кыр руҭалароуп, арахь излаухәарҭоу
маҷны, — лҳәеит Есма.
— Саргьы урҭ рырхаршьра зҭаху сакәӡам, — иҳәеит
Алиасгьы.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Камаҷыҷ - 05
  • Büleklär
  • Камаҷыҷ - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3427
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2120
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3560
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2142
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2158
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3658
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3602
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2133
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3557
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3624
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2156
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3603
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2105
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2025
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3675
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2086
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3579
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2007
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3636
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2077
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3667
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2040
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Камаҷыҷ - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 552
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 422
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.