LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Камаҷыҷ - 02
Süzlärneñ gomumi sanı 3560
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2142
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Ари иҟалҵо ачымазаҩ акы ишлыхәарҭам лара илдыруазар ҟаларын, аха уеизгьы уи далсыргоит ҳәа агә
ра длыргон, издыруада абас ҳашнеиуа, ҳшеибарххо
ачымазаҩ лхала дыбзиахар ҳәа лгәы иаанагошәа. Ҵоуп,
ас аныҟалозгьы ыҟан. Еиҳарак абри деигәыӷуазар
ҟаларын.
— Аҭәҳәа анаҩсгьы абри ачымазаҩ «кәхшатәык» лзы
ҟасҵарц сҭахуп, угәы ишԥаанагои? — лҳәан, дизҵааит
Алиас, аха абри аҭак Алиас иҳәаанӡа, — Ари Селма знык
ачымазаҩ напы илыркыр, даллыргаанӡа дылҟәаҵуам, —
лҳәеит уа итәаз аҳәсақәа рахьтә аӡәы.
— Сара бжам-ҽам ачымазаҩ мҩабжа лықәыжьра
сцәымӷуп, даабзиахаанӡа сылԥырҵуам,— лҳәеит, Селма
даахыҽхәашәа. Хәыҷыкгьы дахьтәаз дааҳәыцымыцшәа
лун, убасгьы нацылҵеит: — Уажәшьҭа дыбзиамхар
зыҟалаӡом, издыруа акгьы лыгсырхом, — лҳәан, Алиас
иаалыргеит ҽы бзиак.
Амшгьы ҩаша хәылԥазын, уи аус иамшцқьан. Селма
ишылҳәаз ала, ачымазаҩ ахыза лыкәыршаны, деимакыеиҿакны амӡырхахьы дындәылганы, ҟәардә лаҟәык
днықәдыртәеит,цәарҭаларшә шкәакәа цқьак налхарԥаны,
аҽы анахәҭа кны ачымазаҩ хынтәы иаалыкәлыхшан, —
Есма лхьаа-баа зегьы уара иугааит, лара улыкәыхшоуп,
улызӡатәуп, шьҭа лхы дақәиҭуп лхьаа-баақәа рҟнытә, —
лҳәан, анахәҭа аахыхны, инахҟьаны индәықәылҵеит.
— Шьҭа аҩныҟа дныҩнажәгал, дышьҭашәҵа! —лҳәан,
лҭаҭыныжәга ааиҵаҵаны иналҿалкын, аҭаҭын дахо
днарышьҭагылт ларгьы.
— Акәхшатәы чмазаҩхар ачымазаҩ лхьаа агеит ауп,
ачымазаҩ дыбзиахоит. Уажәы аакьыскьа аӡәы кәхшатәык
изыҟасҵан, адырҩаҽны инкаҳаны иԥсит, ачымазаҩ даабзиахеит, зашәа Есмагьы даабаша. Шәыҵх аабзиахааит,
— лҳәан, ачымазаҩ лзы дныҳәа-ныԥхьан, агәабзиарахабзиара шлоушатәы лҳәан, лнапы лхы инақәылкшәа
лун, днықәланы аҩныҟа дцеит.
Арҭ иҟарҵақәо, изышьҭақәоу Камаҷыҷ хәыҷы агәхьаа
лымаӡам. Аҳәсақәа даагарырхын, лыла ҭшаша дыркуп
Есма лааигәара днаганы, избан уҳәар Есма уи хәыҷык
лыла аахнатуеит, деигәырӷьоит.
Ԥыҭк анҵы, ахәыҷы лызхара дандырхәмар, дынгарар
ҵан, лнап хәыҷқәа нлыварҵан, гараҿаҳәагала иҿаҳҳәоит
ҳәа ианалага, лҽаалрыцәгьеит. Снапқәа шәҿасырҳәом
ҳәа, исҭахым сара сеиқәырхха аҿаҳәара, схы сақәиҭзааит
лҳәошәа, аха дышҵәыуоз мчыла лнапқәа нҿарҳәан, ага
рашәа ҳәо, агара дырҵысуа ианалага, лҽаалырҭынчит,
уажәы шәысиааит, аха наҟ, ҳаԥхьаҟа, ҳаицәажәап, лҳәо
шәа днаҿырҳасын, ацәарахь лхы налырхеит.
Ҩба-хԥа мшы ҵит, абар мчыбжьык инарықәлеит, Есма
деиӷьымхеит, амца еиԥш деибакуа дҟалеит, дагьнапҟьашьапҟьоит, ихәарҭам, игәнаалам ажәақәакгьы лҳәалоит
зны-зынла.
Ари збаз Хьықа, — Аҳақьым дылзаажәгаруеи! —
лҳәеит.
— Нас, бара Хьықа, аҳақьымцәа нцәоу џьыбшьоит, урҭ
ирзалмырго ҳаԥсуаа иалдырго ыҟоуп, — лҳәеит Мкыд.
— Усҵәҟьа бымҳәан, Мкыд, Хьықа илҳәогьы ҵабыргуп,
аха рыцҳарас иҟалаз убри ауп, зны Очамчыратәи аҳа
қьым дрыма рҿаархан, ашоссе данымҩахырга, дшәар
ҳа-цәырҳауа далагеит, иахьымҩадараз аҟнытә, абри
ҳара ҳамҩахәасҭақәа, ҳуардын мҩа ҭыҿҿақәа рҿы аҽы
измырныҟәеит, џьара иҽы жракы ианахыԥа, инықәыҩ
рын, икаҳаит, иаргьы днахҟьан, аҳәынҵәа агәҭа дны
лаҳаит. Ихо-игәо мацара, аарлаҳәа дылыргеит. Убри
иахҟьаны дычмазаҩхан, даара џьабаа ибеит. Уажәшьҭа
сышәшьыргьы, ақыҭарахь сцом амҩақәа ҟалаанӡа,
иҳәеит. Ҳара ҳхаан иара иззиҳәо амҩа еиԥш зыҟалом,
ус анакәха, ҳхаан ҳақьымк хқыҭақәа рахь даҳзаагом, —
иҳәеит Қәаблыхә.
— Уеизгьы-уеизгьы, ҳақьымк даашәымгар шәымуазар,
уи дмаауазаргьы, даҽа ҳақьымк даажәгар ҟалоит,—
лҳәеит Ҳауида.
— Ааи, Ҳауидахеит, Очамчыра аҳақьымцәа ҩыџьахҩы ыҟоу џьыбшьома, аӡәы заҵәык иоуп иҟоу, уигьы
ишьапы ҭҳарԥеит, нас иаагода, — иҳәеит Қәаблыхә.
— Нас ҳара ҳзы амҩа ҟамлозар, амҩа ҟалаанӡа аҳақьым
даҳмоуазар, нас ҳара ҳзы егьыҟам, уҳәар, смаҳаи, —
лҳәеит Ҳауида.
Селма лыхәшәтәра ачымазаҩ акгьы илмыхәеит рҳәо
иалагеит. Уажәы иаҳа гәҩарас иҟарҵа, — Есма ӡызлан
лтәы хәыҷык лылазар ҟалап ҳәа ауп. Ари зынгьы
маӡалашәа аҳәсақәа ражәа иалаҵаны ирҳәахьан.
— Днапҟьа-шьапҟьо, илҿашәалак лҳәо, дҟаԥшьӡа ам
цеиԥш деицраланы даныҟала нахыс, ииашаны издыруан ӡызлан лтәык шлылаз, аха ахәшә лықәрыԥсааит,
уи аӡаҳкәажә лыӡбахә аҳәара сцәымыӷхан, исзымҳәеит,
Есма бзиахә уи сызлыдымкылеит акәымзар, — лҳәеит
уаҟа итәаз агәылаԥҳәыс, зегьы ашоура ианакуаз аамҭазы
зшьал зхы иҭарԥаны акәакь игҿатәаз Хәранӡа, лажәа
илҳәоз ачымазаҩ иаалыцәӡашәа.
— Саргьы абри аҳәара сцәымӷын, уажәы Хәранӡа
ианылҳәа, шьҭа исҳәоит. Абар мчыбжьык ҵуеит абри
Хәранӡа илҳәаз гәҩарас исымазижьҭеи, шәҭахызар
гьы, сыԥшәма шәизҵаа, ари мцуп шәгәахәуазар, —
лҳәеит ашыӡ иаргәаҟны ицәаршжьыршуа ашә илагылаз
Ҟәыбҷа.
Иҳазҳәомызт, Есма бзиахә уи ҳазлыдкыломызт
акәымзар, ари гәҩарас иҳамеижьҭеи крааҵуеит, — рҳәеит
егьырҭ уа игылаз аҳәсақәагьы, аҭаҳмада Ҳабахәгьы днарылакны.
— Ари еиԥш ажәа ачымазаҩ илмаҳароуп, амарџьа, —
ҳәагьы неибырҳәеит.
Убри аамҭазы ачымазаҩ хәыҷык лылацәа ааиқәԥсаны
дыцәан.
VII
ЕСМА ӠЫЗЛАН ДЫЛХЫРЦОИТ
— Ачымазаҩ мзызс илымаз аилыргара акәын сара
сзыргәаҟуаз, шәара зегьы шәеицҿакны ас анышәҳәа,
уажәшьҭа уи акы аҭахуп, акы аагатәуп, акы ахҭынҵатәуп
ҳәа саанҿасуам, еиҳарак сара сгәы иалоу, абраҟа ӡәырҩы
ӡызлан дылхоуп ҳәа гәҩарас ирымазаарын, аха игәыӷьны
исарҳәомызт. Уажәраанӡа издырыр, шьҭа ԥсыхәак лыс
ҭахьазаарын, уи атәы здыруа аӡәымкәа ҩыџьамкәа аму
лацәа11 ҳамоуп, Гыд иакәзар, дҟаза дууп, рџьабаахә на
рысҭар далдыргоит, — иҳәеит Алиас.
Амула — аԥсылман дин ныҟәгаҩы.
Ҳабахә аԥхынгәҭан ишьапы хырҟьаҟьа, иеиқәа ҵыр
кәакәа, Ҷаҷал аҳәынҵәа даалҵызшәа, илаба ихы иаҵыр
гәаны, кыр иааԥсахьоу, зымч зшәахьоу иуасцәа хылԥа
ихы ҭарҟаца, иҭаҭыныжәга ду иҿыҵакны, ахҵҳәа қьышә
варала дынкажьцәо абарҵаҿы дкыдиаалашәа дахьтәаз:
— Гыдгьы Гыд иоуп, аха уажәы ҳара иаадыруа рахь
Халыл дреиӷьуп, — иҳәеит.
Ҳабахә ииҳәаз дук згәы иамыхәақәаз ҟалеит. Ҳазараҭ
даацәажәеит:
— Абри амула Халыл дыхәшәтәыҩ бзиоуп ҳәа ихьӡ
рҳәоит, иалиргаз ҳәа аӡәгьы сара саӡәыкны дсыздыруам. Уи изы сара издыруа, исаҳахьоу: Шьрын иԥҳа убас
аӡы иҭоу дылхоуп, рҳәан, иԥхьаны дахьнаргаз, ачымазаҩ
гәаҟ акыц ԥырӷы шапшапуа иршны лханы ацәардаӷәы
иныҵаргыланы, апырпыл ақәԥсо иҿааихан, ачымазаҩ,
апырпыл лыла ихылан, аԥсӡара далагеит, лхы хәыҷык
аарлаҳәа данааха, иҟәырҟанажә12 рыхха дылҿасуа далагеит, ас улҿамсын, дрыцҳауп, анырҳәа, сара сызҿасуа
ачымазаҩ лакәӡам, ӡызлан лоуп ҳәа реиҳәеит. Нас Шьрын
днеин, амула инапы данкны, дындәылганы ддәықәиҵеит.
Ирымпыҵагәыӷьыз ачымазаҩ аӡы лыхәладырхәхәо,
аӡыхь лықәырҭәо, аарлаҳәа лыԥсы ааҭалт. Апырпыл лҩа
злаирчыз ауаа аҵықь-ҵықьҳәа иеимсо, иеимҳәо акраам
ҭа амӡырха иқәын. Аҩны иҩназ рыхҭырԥақәа, ркасқәа
ҟьо аарла идәылырцеит алҩа иҩнарчыз. Уи хәшәтәҩыс
ҳәа дныҟәызго иижьақәаз роуп. Аха уи сҳәеит ҳәа,
Алиас диуоуп, хәарҭас ихы ииҭаргьы ҟалап, — иҳәеит
даахыччашәа Алхас.
— Еиуарас ирымоузеи урҭ? — рҳәеит уа итәақәаз, аӡәы
ажәак ҳаиҳәандаз ҳәа иԥшқәаз.
— Еиуарас ирымоу, шәымбои, даараӡа аиуара ду рымоуп; ҵыԥх апапцәа еизаны амулацәа ианырзашш,
Аҟәырҟан — аԥсылманцәа рҿы иԥшьоу ашәҟәы.
амулацәа кны ианахыргоз ауриадник13 дааит Халыл ди
гаразы, аха Алиаси Уазамаҭи ауриадник аҩы дадыршьын, акы наирҭан, ишьҭахьҟа ддәықәырҵеит, аха имала дзымцошәа анырба, дара дрыманы идәықәлан, хынтә
раҟара аҳәынҵәа дырцәылаҳаит. Уахынлан, ихылԥагьы
рцәыӡит, аарла иҭыԥ аҿы днаргеит, арахь иаагьежьын,
Халыл дыбнарҵеит. Нас дышнеи-шнеиуаз, аусқәа анаахыдаха, дцәырҵын деиҭанахатәеит Ҳаџьмаҭ иӡлагара.
— Ари даара диуа бзиазаап, ҳәараҭахым. Аха уи
Халылыжә иқалԥадыжә дашьаҳауа адәахьала иӡиқәа
еиқәаҵәа ахарԥаны, уажәи-уажәи дшьацәхнысло, аллаҳ
игәахәтәы дахьимыгӡааит, акы дахәшәӡамкәа ауаа шԥеи
жьоишь, — иҳәеит руаӡәы.
Нас ачымазаҩ дааныжьны, ачымазаҩ, иахьылмаҳауаз
индәылҵын, ацәажәара иалагеит.
— Ӡызлан дызхоу ачымазцәа џьабаа дмырбаӡакәа,
хәшәыда-быӷьшәыда иалиргоит Гыд, — иҳәан, ҿааиҭит
Ҳазараҭ.
— Ҳаи, џьушьҭ, уи иагьҵабыргыми! — иҳәеит
Уазамаҭ.
Ари Алиас иидыруаз акы акәын.
— Уажәшьҭа уи еиҭалҳәо егьыҟам, аха, иҵабыргны,
саргьы исаҳахьеит убри Гыд иҭыӡшәа. Хәарҭас акы лоуазар, иарбанзаалак азы схы сзеигӡом... Даагап, — иҳәеит
Алиас.
Агәылаҷкәын Кадыр дааиԥхьан, иҽы дҩақәыртәаны
дишьҭит Гыд иахь, ҳзеиԥшроу, ҳшизгәаҟуа иоуҳәар,
аамсҭа дук иоуп, ҭаҳмадак иоуп, аха уеизгьы дуцаауеит,
— ҳәагьы наиеиҳәеит.
— Абри Гыд ӡызлан дызхоу изы дыхәшәны дызла
ҟалазеи? — иҳәан, Қәаблыхә дразҵааит уаҟа итәақәаз.
Ауриадник — араҟа акыҭаҿы аполициатә усқәа мҩаԥызгоз
ауаҩы, астражникцәа реиҳабы.
— Убри азы иара Гыд иҳәоны исаҳахьоу сара ишәас
ҳәап, — иҳәан, даацәажәеит Ҳазараҭ. — Зегьы ишыжә
дыруа еиԥш, Гыд есқьынгьы иҽи, икәадыри, иабџьари
уҳәа, зегь рыла ҽуаҩы еиқәшәаны дыҟан. Дажәит,
аха уажәыгь дшыҟоу жәбоит. Зны, ҵхы лашьцак азы,
иҽы дасны Ҭоумышь аӡы аԥан данныҽԥынгыла, иҽы
шьҭахьла инаҭрыст. Иҟалазеи ҳәа данынаԥш, ӡызлан
длаша-лашо, лыхцәы дашьаҳауа, аӡы агәгәаҳәа иааим
гәылырҽҽан, ашырҳәа иара иахь лҿаалхеит деихытаруа. Иара дылҽыжәԥан, иҽы аӷәра махәык инахишьын,
иӷәакьиа ҟама14 ааҭԥаа дналԥылт. Ӡызлан аҟама цәгьала
дацәшәоит, акырҭа лымам, дыԥнаҟоит. Аҳәазар, аҟәуа
лкуеит, шәақьзаргьы иара убас, ашәақь еиҵоу еиҵыл
хуеит. Аҟама анылба, лышьҭахьҟа днеиҭаԥеит. Днаскьаны днагылан, лыхәмацәак илырбеит. Ари змааназ — хәы
шықәса хаҵас усымаз ҳәа акәын, аха инапы иҟьеит мап
ҳәа. Нас лыԥшьмацәак илырбеит. Убас зегь рышьҭахь
мацәак илырбеит, убри азгьы мап, иҳәеит напыла, дцәа
жәар зыҟаломызт, «уцәажәар, убз уҿылхуеит» — рҳәоит,
узымцәажәо уҟалҵоит. Нас иҟама аҭра инҭеиҵан, иааи
қәԥеит. Гыд, агызмал, ӡызлан лышьхәа лаԥхьаҟа ишхаз
имдыруази, дырхха даамҩаниҵан, лаԥхьаҟа дхыршәҭны
дынкаижьт. Нас «уашхәа мақьаԥсыс» ҳәа дирқәит, иа
ра ижәла зыжәлантәу аӡәы диԥырхагамхартә, насгьы
лара лыла ичымазаҩны иҟоу рҿы иара дахьнеиуа, лара
дылхыҵны дцаларазы ажәа илҭеит. Абри азы аӡы иҭоу
лыла ичмазаҩу рҿы Гыд дахьнеилак, абӷьааҳәа, дыԥ
ҳәысзаргьы дхаҵазаргьы, днархыҵны дцоит, — иҳәеит.
Гыд Есма хәшәыда далиргоит ҳәа ишынеицәажәаааицәажәоз, дук мырҵыкәа иаргьы дааит.
Гыд алахь ҷашьны ҽеиқәа хьышьаш дук аӷырҿӷырҿҳәа
аӷәра иацҳауа дақәтәан; дышжәытәуаҩу мҩашьо, ашоурамшазы иуапа ырқьақьаны иҽхьынҳәалан; имаҳмызқәа
Аӷәакьиа ҟама — зыжәла бзиоу аџыр иалху ҟамоуп. Ажәа
«аӷәакьиа» иаанаго еилкаам.
ишьхарбаҟа ишьан. Ихылԥарч ихаргыланы, ихҭарԥа
шкәакәа аҵӷа ихәда иахаршәны, иара ачыхә ыргьало
изқәа иқәыршәны, ижакьа шла инароушәа ирҟәыдны,
уаҩы еиқәызза дук, иҭаҭыныжәга хәыҵәкьаҿ иҿакны;
иӷәакьиа ҟама ӷьазӷьазуа ихьӡыркны иҟәынҳәаланы
агәашә дааҭалт. Ҟазшьас ишимаз еиԥш, иҽы имаҳмыз
наирбан, акыԥ-кыԥҳәа аӷәра иаҵасуа, исықәтәоу дыс
хысҳәоит, аҳәошәа, уажәы-уажәы ашыжәҳәа аӷәра иахон, ахы ларҟәуа, аха Гыд уи дауазкажьуаз. Уи аҩны да
назааигәаха, аддыҳәа арԥарцәа, ачымазаҩбацәа ҩдәы
либаҳәан, инеиԥылт.
— Мшыбзиақәа! — иҳәан, дааҭгылт.
— Бзиала уаабеит! — рҳәан, ишькыл инадибаҳәалт.
Дынҽыжәҵт, еизаны изыҟоу изымдырӡошәа;
— Ари аԥшәмаԥҳәыс дзынхьаауазеи? — иҳәан, дын
рызҵааит, Кадыр иахьтә ари иаҳахьан аха.
— Абас-абас, ишуаҳаз еиԥш, дычмазаҩгәышьоуп, —
иҳәеит Ҭорҟан.
— Уи башоуп, уи ала ичмазаҩу сара санлықәшәа,—
иҳәан, — ари еицәоу цәгьара анцәа ҳақәумыршәан! —
ҳәагьы нациҵеит.
— Ҳаргьы убас ҳуқәгәыӷуеит, — иҳәан, Ҭорҟан уи иаԥ
хьа днагылан, диманы аҩны дныҩналт.
— Уаа мшыбзиақәа, изаҳамҳәац! — иҳәан, ачымазаҩ
дналхагылт.
— Бзиала уаабеит! — рҳәан, агәырқьҳәа инеихаҵгылт
аҩнуҵҟа итәаз, ачымазаҩ лгәаҟра иханагаланы, Гыд иааира уанӡа изызгәамҭақәаз.
— Утәа!—рхәан, десҟәардәк ачымазаҩ лҿаԥхьа ина
дыргылт. Уаҟа днатәан, ихы ларҟәны ачымазаҩ днал
ҿаԥшит.
— Бышԥаҟоу, дад, бзынхьаауазеи? — иҳәан, дналаз
ҵааит.
— Сыҟагәышьоуп, — лҳәеит аарлаҳәашәа ачымазаҩ.
Нас Гыд дааҳәны, иҭаҭын кәалаԥ иџьыба иааҭихын,
иҭаҭыныжәга аиҵаҵара дналагеит. Зегь еиқәышьшьы
итәоуп, џьоукы гылоуп ҿымҭ-ԥсымшьа.
Абри аамҭазы Ҳазараҭ ачымазаҩ дналхагылан:
— Дад, Есма, дбымбои, абар Гыд дааины дахьтәоу,
бхьаа-бчымазара балиргарц дааит, шьҭа бымшәан, ибзиахаз аӡә леиԥш бхы ԥхьаӡа, — ҳәа налеиҳәеит лгәы
ирӷәӷәарацы.
— Уи иааԥсара сара саԥсагәышьам, анцәа иҟнытә
хәарҭас ихы симҭозар, — лҳәеит Есма, хәыҷык даалшәа
шәа, лыбжьы ныҵакны, аарлаҳәа.
Ари Гыдгьы, мыцхә аҽхырцәажәаҩ, ачымазаҩ хәыҷ
ӡак дцәажәошәа аниба, агәгәа ихга:
— Шьҭа бымшәан, сара зыҟны снаргахьоу ачымазцәа
зегьы бзиахәха иҟалоит, баргьы убас зашәа бызбаша —
иҳәан, ачымазаҩ лхаҿы днатәеит, иус далгазшәа, далир
газшәа.
Ари Гыд дызлацәажәоз ачымазара закәыз амалахазгьы ачымазаҩ лыхшыҩ азымцаӡеит.
Нас Ҭорҟан даацәажәан, Гыд дизҵааит — ажәабжьс
иҟоузеи ҳәа.
— Ажәабжьс ҳәа акгьы сыздыруам, аха Аӡҩыбжьа иҟа
лаз уеизгьы ишәаҳарын, — иҳәеит иара аҭакс.
— Закәызеи, иҟалазеи? — рҳәан, изҵааит.
— Закәызеи, шәымбои, Очамчыратә аначальник ас
тражник априказ иҭаны Аӡҩыбжьа асҭаршын иахь
ддәықәиҵеит, уаҵәы шьыбжьон ажәлар еизганы исырба ҳәа. Астражник амҩан Тамшь аԥошьҭаҿы дахьааиз,
иҩызцәа астражникцәа аҩы дадыршьын, ауха уа дынхеит. Адырҩаҽны ашьыжь Аӡҩыбжьа дааин, асҭаршын
дышишьҭаз шьыбжьааит. Асҭаршын шьыбжьон априказ
иоуит, аха ажәлар изеизымгеит. Ус дук мырҵыкәа ана-
чальникгьы дааит. Ажәлар зеизумгазеи, иҳәан, ацәҳара
далагеит.
Сара уажәоуп априказ ансоу, шьыбжьон ажәлар шԥеи
зызгарыз, — аниҳәа асҭаршын, аначальник иҟамчы рыхха апҟақьҳәа дисит уи.
Дарбан, џьушьҭ, уи асҭаршын? — иҳәан, дҵааит
Ҭорҟан.
— Дарбан, умбои, Кәыҵниа Еқәыԥ!
— Ҳаи, џьушьҭ, уи ус ахьԥаихьи! Иҟама, итапанча
есқьынгьы иҟәныжьланы ддәықәын, амала дрыҵаԥсуа
заап, — иҳәеит Кадыр дахьгылаз.
— Дад, Кадыр, уара иудыруазар уара иҳәа, мап анакәха,
сара исараӡа, — иҳәеит Гыд.
Џьым, уара, Кадыр, еиҳаб дук, ҭаҳмадак данцәажәо,
иажәа имумҟьан. Уара уӡырҩла, — иҳәеит Ҭорҟан
дахьтәаз. Нас, Гыд, иҟалазеи? — иҳәан деиҭаиазҵааит.
— Иҟала убриоуп, асҭаршын Акәыҵниа ишьхәа
даақәгьежьын, апҟақь-апҟақьҳәа аначальник ижәҩахыр
шыҟаз инкыдиҵеит аҟамчы аԥҵаҵа.
— Ааит, уи инапы аххь згааит! — иҳәеит Кадыр дахьгылаз.
– Нас изырузеи уи азы асҭаршын? — иҳәан, дизҵаахт
Горҟан.
— Изырухуазеи, аҟәҟәаҳәа астражникцәа шиеихсуаз, дыҩны дрыцәцеит. Устәи Аҟәа дцеит. Ихала аокруг
аначальник15 иҿы дкылсразы. Нас иҟала сыздыруам, —
иҳәан, иажәагьы даалган, — Сыццакуеит, аҩныҟа сцароуп, — иҳәан, дҩагылт. Ачымазаҩ дналхагылан, — анцәа
агәабзиара биҭааит, шьҭа быбзиахоит, бымшәан! —
иҳәан, дындәылҵит.
Алиас днаидгылеит уи.
Аокруг аначальник — усҟан Аԥсны Аҟәатәи аокруг ҳәа
иашьҭан. Убри аҟнытә аокруг аначальник Аԥсны зегьы знапаҿы
иҟаз уаҩын.
— Иҭабуп, уахьысзааԥсаз. Сара уи саԥсам, аха умаҵура
сылшоит, — иҳәеит.
— Закәызеи иуҳәо? Ҳара ҳаицхыраароуп ус, ари џьа
шьатәым, — иҳәан, изааргаз иҽы дҽыжәларц днадгылт.
— Шәымш аабзиахеит! — иҳәан, аҽыжәлара иҽыназикит.
Игылаз абзиаӡа уақәшәааит ҳәа аҭакс инаиарҳәан, адру
ҳәа ишькыл ркит, џьоукы иаӷәра уҳәа, инидибаҳәаланы
дынҽыжәырҵеит. Иҽы нықәырԥал-аақәырԥала агәашә
дынҭҟьан, дцеит, арԥыс еибагак иеиԥш.
— Уажәшьҭа ма дышԥабзиамхари, — рҳәан, уаҟа итәа
қәаз Ҳабахә, Қәаблыхә уҳәа иҩагылақәан, рыҩнқәа рахь
ицақәеит.
Илԥеиԥшит хымш, хәымш, мчыбжьык, аха Есма еиӷь
харак лмоуӡеит, дшыҟац дыҟан. Зегьы ргәы каҳаит хәар
ҭарак лмоуит ҳәа.
Агәылаԥҳәызба Хьықа нап алыркит Есма лыхәшәтәра.
Очамчыра дцан, аҳақьым иҟынтә хәшәқәак аалгеит. Насгьы, аҳақьым ишлеиҳәаз еиԥш, ачымазаҩ лыфатә-лыжәтә
еилыхны длырчо, уажәраанӡа дук илыдрымгалоз лхьаа
ианаалоз афатәқәа лыдыргало, убас аҳақьым ишлеиҳәаз
еиԥш, лхы лассы-лассы атила ӡыхьла ирбааӡаны иақәыл
ҵо, напы аалыдыркылан, ԥшьымш, хәымш рыла ачыма
заҩ лшоура тәо, иаҳа деиӷьхо далагеит.
Даҽа мчыбжьык аҟара анааҵ, Есма лхала даақәтәо,
лхәыҷгьы даалгәыдылкыло дҟалеит. Даҽа жәабаҟа мшы
аниас, Есма лшьапы даақәгылт, Шьарифа, Ҳауида, Рафида уҳәа аҳәсақәа еибархәыҭхәыҭуа, Очамчыра ԥыҭрак
дахьыҟаз мыцхәык ҳара ҳаиҳа лдыруашәа, илҳәозеи
шаҳҳәоз, аллаҳ илԥха лоуааит уи Хьықа, ҳчымазаҩ даҳ
залылмыргеи, рҳәо иалагеит.
— Хәшәыс иҟоу ачымазаҩ изы напуп, ачымазаҩ анапы
анлыгымха, дыбзиамхар дабацоз! — лҳәеит Ҭакәына..
— Уажәоуп абас аныбҳәо, уажәраанӡа бабаҟаз? —
рҳәан, иааибарччеит уаҟа итәаз аҳәсақәагьы.
Убас ҩымз рнаҩс амаҵурҭа аҩнԥацхаҿы, алҩақ иагахьаз ахәблы аҵаҟа иины, адунеи алашара раԥхьаӡа
акылҳарахьала избаз Камаҷыҷ хәыҷы абри аамҭа кьаҿала
абри еиԥш ахҭыс лзыҟалеит.
VIII
«МЫШКЫ ИАХЫԤО ШӘЫ-МШЫ ИАХЫԤОИТ»
Есма дгылт, дыӷәӷәаны лшьапы дықәгылт ҩба-хԥа
мзы рышьҭахь, данычмазаҩха инаркны. Камаҷыҷ
хәыҷы лан лчымазара лынмырԥшӡакәа Рафида дны
ҟәылгеит.
Ахәыҷы илызҳа-лзыӷьа дыҟан, уахьынлыхәаԥшуа,
днасыртәаргьы, дышԥазымтәари уҳәаратәы. Зегь лара
ддырхәмаруан, деимдо дыркын. Аҳәсақәа џьоукы, «ахәы
ҷы инамӡаша агара дакуам» — рҳәоит еиԥш, абри ахәыҷы
бааԥсык лԥеиԥшымзааит, мыцхәы дыбзиацәахеит ҳәа,
маӡала, хәыҭхәыҭла еибырҳәон, ахәыҷы днеибарбо.
Ԥыҭк аабжьысхьаны,уи ақыҭантә лафҳәацәақәак Алиас
игәылара ҩнык аҿы иахьааиқәшәаз, иргәалашәеит, Алиас ихәыҷы лиразы ачара ду иҳаруеит зҳәоз иреиуақәаз,
ачара шырзимуцыз. Инеицәажәа-ааицәажәан, Алиас
иарҳәарц иақәыркит. Џьоукы — «Шәиҟәаҵ, иԥҳәыс лчы
мазара иахҟьаны, даара ааԥсара имоуп, ахарџь ду ҟаи
ҵеит», — рҳәеит, аха ирзеибамуит, уеизгьы-уеизгьы иар
ҳәарц иақәыркит. Иазҳәарыда ҳәа ирӡбын, Қәаблыхә
идырҵеит аҳәара. Қәаблыхә дук дазыразымхеит ари
идырҵаз. — «Сара сыҵкыс еиҳабу аӡәы ачара ҳазу ҳәа
сызиаҳәом», — иҳәеит.
— Ааи, уи иоуҵабыргыхым, аха уи анаҩсгьы, уи ешьарала иаҳа дизааигәами, ахарџь иоур ҳәа дшәоит, — рҳәан,
иааибарччеит.
— Уи ахарџь даламландаз ҳәа акәым изысҳәо, уи кыр
зку уаҩуп, акы даазгәаҟыргьы, ҳаргьы ҳицхраар ҟалап,
аха еиҳабык ас сызиаҳәом, — иҳәахт Қәаблыхә.
— Нас арҭ рахьтә аӡәы дҩагылан, — Қәаблыхә ҷкәы
нак иоуп, Алиас ачара ҳазу ҳәа шԥаиеиҳәо, ҳара ҳахә
маруа иаҳҳәеит акәымзар, насгьы Қәаблыхә, Ҭорҟан
уҳәа роуп иаҳа иашьарала дыззааигәоу, аха ҳаргьы
даҳцәтәымуаҩӡам. Сара схаҭалаҵәҟьа иасҳәоит иҟала
лакгьы ҟалааит, избан акәзар, абар сара схыздыруа сааҟалеижьҭеи Алиас ма ԥсхәык имуцт, ма чарак. Иаҳзиуааит ачара, иҳамбари ачара шиуа, ма уи
анакәымха...
Итәаз зегьы иааиқәыӷзит.
— Иакәым акы идумкылан, закәызеи «ма» ҳәа уажәа
иалоуҵаз, абааԥсы идукылома, иара уажәоуп ахшара
даниоу, уажәоуп анхара игәы азыҳәо даныҟоу, — рҳәеит
еиҳарак уа итәаз аҳәсақәа.
— Уара уи сыхәмаруа исҳәеит, акәымзар уи изы исҭаху
схы акәхааит! «Ма» ҳәа сажәа иаласҵазар, уи цәгьа
аҵанакуеит ҳәа са сыҟаӡам, сара сгәаныла иаб Сагьаса
иԥсхәы иуааит ҳәоуп исҳәарц сгәы иаанагаз, — иҳәеит
даахыччашәа.
— Ааит, уара усамырҟәыл узаҟәымҵит ианакәы
заалакгьы. Алиас иаб ҩынҩажәа шықәса уажәаԥхьа иԥ
сыз иоума зыԥсхәы иуруа, уи иԥсхәы рухьеит, уара уаб
дыԥсижьҭеи егьҵуам, иԥсхәы ҳәа маҷк, акы уушәа уун,
нас уа уааиҟәаҵит, уажәы дахьжугьы уздыруам. Абыруажәы ԥсхәык иаарҿыцны изуур, иуџьимшьари, — рҳәан
иааибарччеит.
— Ижәуазеи, уара! Шәара акәацфара шәҭаххацыԥхьаӡа
саб иԥсхәы сшәырулар, саб акәац игәахшәар ҟалап, —
иҳәан, зегьы ааибарччеит. — Саб данԥсы, ԥсхәык уны
шәааиласырԥшит. Ԥҳәыс данаазга, чарашәагьы акы
шәзызуит. Абри ахышықәса рыҩнуҵҟа сара абри сыл
шеит, уажәшьҭа шәара аӡәы ма ачара жәу, ма аԥсхәра,
мап анакәха, Алиас ачара ишәыру, — иҳәан, даахыса
мырҟәылт.
Абраҟа
итәаз
аҳәсақәа
рахьтә
Шькәакәа
даацәажәеит:
— Нан, Луман, ушыхәмархәмаруаз, уеиҳабацәа рҿы
уԥхамшьаӡакәа ԥҳәыс даазган, чара шәзызуит ҳәа роу
ҳәеит уара, ҷкәынак ас излоугәаӷьызеи?
— Уи шьҭа егьоурым, исамырҟәыл иалаҵашәа, ин
хҩашәа иҳәеит, ҳҳәарын, аха убри иаб изы ииҳәаз иа
кәымкәа иҳәеит, — лҳәеит Ҭакәына. — Ишԥыкәу саб
акәац игәахшәар ҟалап ҳәа шиҳәо?
— Ааи, Ҭакәынахеит, Луман иахьа дыббама, исамыр
ҟәыл даасуа иҿашәалак шиҳәо! Аха уи, убас иҟоу уаҩӡам
иаб ҳаҭыр иқәимҵо, иан ҳаҭыр лықәимҵо, еиҳабы дизымдыруа, еиҵбы зҳәаз иеиԥш, аха абри асамырҟәыл
даналанагалалак, иҿашәалак иҳәоит акәымзар, — лҳәеит
Шькәакәа.
Арҭ ирҳәаз Луман илымҳа инҭасын, даахьаԥшит.
— Ижәуазеи, бара, ҳқыҭан зегьы уаа ҟәышқәан
иҟазар аума ишәҭаху? Усҟан шәара зегьы агәҿыӷь
шәагарын, — иҳәеит Луман, егьырҭ иҩызцәагьы абри
иаақәшаҳаҭхеит.
Абраҟа итәаз Мшәагә дҩаҵҟьан: — Аҳәсақәа ргәы
иахәо анцәагьы изыҟаҵом ҳәа ирҳәо ҵабыргуп,
уҽырҟәышны, уҭынчны, ухәыцуа утәар — ҟыт-ԥсытк
иҿшәом, деихаткачны дтәоуп, угәы ирҿыӷьуеит, рҳәоит,
асамырҟәыл раҳәо, иурччо уалагар иҿашәалак иҳәоит
ҳәа, ушьҭахь игыланы уцәгьа рҳәоит... — иҳәеит.
Убри аамҭазы Луман данынаԥш, Алиас агәашә нҭыҵ
амҩа ииагоу даныланы дышнеиуаз дибан, ибжьы наи
қәиргеит зынзаҵәык абраанӡа уааи, џьоукы урҭахуп ҳәа.
Алиас агәашә ааиртын, амӡырха даақәлеит.
— Асамырҟәылҳәара анакәха, Алиасгьы шәара ишәы
ҵахо иакәӡам, знык уахь диасыр, — лҳәеит Ҭакәына, лкасы аарҽеиуа дҩагылан.
— Зыцәгьа уҳәо ушә дылагылоуп ҳәа, ирҳәо мыцӡам.
Уажәраанӡа уара уҭыӡшәа ҳҳәон, — иҳәеит Луман.
— Дызусҭа араҟа сҭыӡшәа зҳәо, Луман уда иҟақәоу?
— убри аамҭазы аҩнуҵҟа итәақәаз зегьы ҩеибаргылан,
абарҵан Алиас инеиԥылт, асалам неимырдеит.
— Ыыҳ, Мшәагәгьы ара дыҟоума, Камшьышьгьу?
Шәаазгазеи шәара аԥсхәрауаа, аҟәараанқәа, акәац
азҟырлышқәа? Абри ҳҳабла цәгьарак адыжәбалозар,
шәхы акәхааит!
— Иууазеи, Алиас! Уара уааиаанӡагьы абраҟа аҳәсақәа
рызхара иҳацәҳахьан, уаргьы уцәҳауа уаҳзааит, уи аҵкыс
еиӷьымзи чарак ҳзуур, ма...
— «Ма» ззуҳәо закәызеи?
— Уи башоуп, ус ажәа иалоуп, — иҳәеит Луман. Зегьы
ааибарччеит.
— Ибзиоуп, уи ус ажәа иалоуп, аха шәарҭ ахҩыкгьы
шәеинырианы, аҟәараанқәа реиԥш абраҟа шәаазгазеи?
Шәарҭ ахҩыкгьы шәеишьҭагыла, Жәгараа реиԥш16, ас
шәеизаны ҳаӷоу иҩны шәнеиааит, шәара ашьапызаҵә
қәа17 шәахьнеиуа, уи аҩнаҭаҿы бзиарак зыҟалом. Ари
Шькәакәа лыҩны абзиара адкылоуп.
— Уара уиаҟара умҳәаргьы, Шькәакәа кыр дҳацәҳа
хьеит, иахьала уи ҳазхоуп!
— Шькәакәа дшәацәҳамоу, аҩмсаг шәыхҟьаны, шәара
аҟырлышқәа шәахькалымцаз уамашәа избоит! — иҳәеит
Алиас, зегьы ааибарччаны, утәа-стәа ҳәа инеибартәа
қәеит.Жәгараа — бжь-еиҵәакны еилоуп. Ажәлар рҿы изларҳәо ала,
урт аеҵәақәа ажә зӷьычыз ҩыџьеи ажәи, изцәырӷьычыз, ирышьҭоу
хҩыки, рлеи дареи роуп. Урҭ иахьа уажәраанӡагьы еихьымӡоеиԥымӡо, еицырхәхәа еишьҭоуп.Ашьапызаҵә — ԥсаатәуп, аӡыцәа еиԥшуп.
— Ашоураха, аԥхын аҩны аҩнуҵҟа шәзыртәазеи?
Уи сҳәеит ҳәа, атгьы усами ишауа, аҵарақәа ирбар ҳәа
ишәаны, есқьынгьы ҽынла аҵла агәаҩара иҭагәыгәуп,
шәаргьы аӡәы ҳимбандаз ҳәа акәхап аҩны шәзыҩ
нагәыгәыз. Шәаргьы ауаа рзы аты шәаҩызами! — наци
ҵеит Алиас.
— Уара шьҭа улаф уаҟәыҵны, уаҩҵас уаацәажәа.
Ианбыкәу уара ачара анаҳзууа? — иҳәеит Луман. — Ахә
марра анцәа иҳагумырхан, аха ачара шәзызуеит ииашаны.
— Иууеит ачара, аха ианба? «Мыцҳәаҩ иԥа гәырӷьа
дагеит» — ҳәа, уара уи уҳәалар, ҳара уи ҳазыԥшызар...
— Мамоу, сыхәмарӡом, ахәыҷы лышықәс аҽны ачара лзызурц сгәы иҭоуп,—иҳәеит Алиас. — Уаанӡа ҳәа
инақәскын, аха знык ианаамҭаз ианахыԥа, ахәыҷы лан
лчымазара, ишәымдыруеи, «мышкы иахыԥо шәымшы
иахыԥоит» — ҳәа ирҳәо ажәаԥҟа, убас уажәраанӡа иааит,
уажәы иагьаныхәлам, иагьаншам рҳәоит еиԥш, абжьара
иаабжьырҟьаны ҟаҵашьа сзамҭеит, — ҳәагьы нациҵеит.
— Убригь еилырганы иаадыруазааит, — иҳәеит Камшьышь.
— Иухамышҭааит убри аҿҳәара, Камшьышь, убра
удефҭар18 инанҵа! — иҳәан, ибжьы наиргеит Луман.
— Уи ихашҭыргьы, сара исхашҭуам, — иҳәеит
Мшәагә.
— Ааи, амарџьа, ишәхамшҭааит! — иҳәеит Алиас, зегьы неибарччеит.
— «Аҳ узқәиргәыӷуа хышықәса уазԥшыз» рҳәоит,
уи еиԥш, ҳаргьы уи ҳазыԥшызаап, — рҳәеит ихәмаруа
иааицҿакны.
— Шәара аха змоу шьоук шәоуп, излазбо ала, сара сеилахоуп, — иҳәан, Алиас дҩагылт аҩныҟа дцарц.
Адефҭар — ашәҟәы.
— Уҟаз ԥыҭрак, — рҳәан, рҽынаидырцалт Лумани иҩызцәеи, аха дмаанҿаскәа, «Шәымш аабзиахеит!»
иҳәан, иҿынеихеит.
— Дад, шәара аӡәы иҩны шәаԥшәыма бзиоуп, шәара
шәыҩны саннеилак, убасҟан абас сашәҳәар иҭабуп ҳәа
шәасҳәап, — иҳәан, Алиас днықәланы дцеит иҩныҟа.
— Абригь ҳахәмаруашәа ҳааикәшан, ачара аҿҳәара
иԥҳарҵәеит, — рҳәан, иааибарччеит. Убас иччан-ихәма
рын, инеимпит рыҩныҟақәа рахь.
IX
АУСҚӘА ЗЕГЬЫ ҾҲӘАРАК-ҾҲӘАРАК РЫМОУП
Ааԥнуп. Шьыжьуп. Ашәаԥыџьаԥ зегьы ишәҭыка
каҷха игылоуп, ҵыԥх иахьаҽны еиԥш, иара убас
ҵәҟьа амра икәалкәаџьо икаԥхоит. Аҵарақәа ракәзар,
иара убасҟан ашәа шырҳәоз еиԥш, иахьагьы убасҵәҟьа
еигәырӷьаӡаны ашәа рҳәоит.
Ҭорҟан ибаҳчаҿы ҵыԥх ардәына ашәа шаҳәоз еиԥш,
иахьагьы иаҳәоит ардәынак ашәа...
Уажәы излеиԥшым атәы: ҵыԥх иахьаҽны, ашьжьым
ҭан, Есма ԥа длоут ҳәа Ҭорҟанраа рҿы уҳәа, аигәылараҿы
зегьынџьара ахысра иаҿын, алақәа еибаршуа агәгәаҳәа
рыбжьы гон. Иахьа уиеиԥш ыҟам: Ҭорҟан Алиас иҩнахьы
ихы рханы Есма илоуз ԥоу, ԥҳау ҳәа ҿиҭуам.
Ус иҟаӡам.
Алиас иҩны иахьа чароуп, ацәқәа, ашьтәақәа ршь
уеит. Ҵыԥх иахьаҽны ииз, амышәкәан илаз Камаҷыҷ иа
хьа дыҩуа амӡырха дықәуп, дышәҭыкакаҷха.
Иахьа Камаҷыҷ хәыҷы лышықәс ҵит. Лиразы ачара инахыԥа-аахыԥо ирзымуз, уи ҿҳәарас иамаз иахьа
акәзаарын, иахьа Камаҷыҷ лара лира амш ачара лара
дахагылоуп, ачара зуа лара лоуп уҳәартә, избан акәзар
акы ахьыршьуа, акы ахьыҟарҵо зегьынџьара лара дыҩуа
днеины дрыхәаԥшуеит...
Иахьа гәырӷьароуп Алиас иҩны.
Шьыжьнаҵы ауаа, ахацәа, аҳәса уҳәа рхыԥхьаӡара
азҳара иаҿуп. Шамаха акәымзар, ԥҳәыск напымацара
дааиӡом, аӡәы акәытқәа ӡны, ачашә рықәҵаны иаалгоит,
даҽаӡәых — акәытқәа жәны, ачашә ҟаҵаны илыманы дааиуеит, убас зегьы акака ааргоит.
Ахәылԥазы ауаа дыртәеит ашьаԥаҿы. Уи ақыҭан аӡә
дагуп, уҳәартә иҟамызт, убриаҟара ауаа рацәан.
Абраҟа иҟан иагымкәа Лумани Камшьышьи. Мшәагә
дычмазаҩызаап, иахьа ари ачара дзақәымшәеит.
Абраҟа ачараҿы ауаа зегьы андыртәа, рхәы анрым
ҵарҵа, аԥшәма Алиас ашьаԥа агәҭаны днагыланы абри
еиԥш ажәа реиҳәеит ачараҿы иааиз:
— Дадраа, иахьа зхы саҭәашьаны счараҿы иааиз, акы
еиԥшымкәа сшәыҳәоит, шәымццакыкәа счеиџьыка
хәыҷы, иахьа сара исылшаны ишәымҵасҵаз шәфа
разы, шәыхәмарразы, шәыччаразы, шәкәашаразы, —
днаԥшы-ааԥшны днарылаԥшын: — Иахьа абраҟа ачара ззызуа ахәыҷы, макьана уи ҳаӷоу лыхьӡ иҳәааит, аха
лыда хьӡырҳәага дсымаӡам. Абраҟа ишшәаҳауа еиԥш,
уеизгьы-уеизгьы бзиак злыҵуа аӡәы лакәхоит ҳәа, дызбалак дсыдырныҳәалоит. Издыруада иҵабыргыҵәҟьаны
ахаҵамԥҳәыс ззырҳәо лакәзар. Шәара суацәа, сықәлацәа
иахьа абраҟа зхы саҭәашьаны счара иахатәаз шәымаҵ
луп, абзиаразы дышәзааԥсап. Сызцәымӷу, сыцәгьа зҭаху
аӡәы дыҟазаргьы (ус аӡәы дсымоуп ҳәа сыҟаӡам аха), уигьы иқәнагоу аҭак иалҳәап. Имгәыӷкәа иԥсхьада, рҳәоит
еиԥш, саргьы абри сеигәыӷуеит, убри аҟнытә абар сара
ҭаҳмадак соуп, убри лыбзиара, лыцәгьара зҳәаз еиԥш
сара сахьымӡар ҳәа сшәаны ауп сыԥсы шҭоу чарак лзызуп,
сҳәан, чарашәа акы зуит исылшоз ала, суеи сықәлеи абра
схылҵ хәыҷы дышәсырбарц. Шьҭа сшәыҳәоит, шәнапы
ашәыркразы, шәара излашәынамысуи излашәыпатуи
рыла счара хәыҷы шәырԥшӡаразы, — иҳәан, иажәа даалгеит.
Зегьы «ура» рҳәан, рнапқәа еинырҟьеит, нас ина
тәеит.
Толбашьс ҳәа Ҭорҟан дҟарҵеит, ишимуаз, мчыла.
— Сара саԥшәымоуп, схаҵгылазароуп, — иҳәеит
иара.
— Уашьеиҵбы дхаҵгылазааит, уара утәароуп, — рҳәан,
насгьы Алиас утәа ҳәа ианидицала, днатәеит.
— Иахьа изымшныҳәоу, ачара ззыжәуз Камаҷыҷ
хәыҷы арахь даажәг! — рҳәан, днаргеит.
Камаҷыҷ деилаҳәан ҷкәын маҭәала, лымаҭәақәа дыр
гәылҷҷон. Дгәазырҳагаха дыркын.
Атолбашь, Ҭорҟан абри ахәыҷы ахьӡ лзызԥшааз,
аԥааимбар ажәақәа лзызҳәаз ахәыҷы даниуаз иҟақәаз
аҳәсақәа уҳәа, зегьы абрахь шәаарыԥхьа, аниҳәа, иааин,
уа инагылт.
Абраҟа иҟан Шьарифа, Селма, Уазамаҭ, Ҳазараҭ, Ҭа
кәына, Ҳауида, Мкыд, Рафида уҳәа егьырҭгьы, нас Ҭорҟан
дҩагылан, аҵәца аашьҭихит. Зегьы ааирӡырҩит.
— Иахьа ҷкәынҵас еилаҳәаны аӡӷаб абраҟа ирку
ҵыԥх иахьаҽны диит. Аха араҟа аус зланы иҟоу дахьиз
акәым, ахьӡ илху Камаҷыҷ хьӡыс излалоуз ауп. Зназы
дԥазу, дыԥҳазу ҳзымдрызт, еимактәыс, гәҩарас ианҳау
иагьхаҵахьӡыз, иагьԥҳәысхьӡыз Камаҷыҷ лыхьӡаҳтәып,
ҳҳәеит. Еиҳарак ахаҵара дазаҳкуан, Алиас ԥа дахьимамыз аҟынтә, насгьы кыр ажәа ԥшӡақәа абри ахәыҷы
лзы иаҳҳәеит, ахаҵа-ихаҵа ҳәа хьӡыс илаҳҭеит, ҷкәынс
дыԥхьаӡаны. Даныӡӷабхагьы, ахаҵарԥыс бзиа иҵкыс
деиӷьхоит ҳәа абри ижәбо ахацәеи аҳәсеи еицҿакны,
доуҳак19 зауз аӡәы иеиԥш, абас лзырҳәеит, иахьагьы
убасҵәҟьа дҟалоит ҳәа агәра ганы иҟоуп, — даҿын
иажәа анагӡара иара. — Урҭ рԥааимбар ажәақәа зегьы
абраҟа исызҳәом, убас даараӡа абзиара дуқәа лыдыркылт.
— Ааи, усоуп, — рҳәеит уа игылақәаз.
— Убас, абри ахәыҷы даниз илыдыркылаз ахьӡи аԥшеи
лыгымхаразы, лаби лани нагӡара рыманы еибааӡаразы
иныҳәаны абри аҵәца зжәуеит, — иҳәан, днаханы
ижәит.
Зегьы «ура» рҳәан, инагылан, аҵәцақәа аақәхны ир
жәит Камаҷыҷ хәыҷы лыҩхәы.
Ахәыҷы, абна дахьырку, аҩы зжәуа аҵәцақәа
иқәырхуа, ишьҭырхуа зегьы лыла ҭраа дрыхәаԥшуан,
рыжәшьа, рҩынаҳашьа еиллыргарц лҭахызшәа.
Зегьы дџьаршьон лыԥшӡареи лыхьӡ аҭашьеи зегьы
еидкыланы ианрыхәаԥшлак.
Даниз аҽны зегьы еицҿакны абри уаҩы иимбац акы
лылҵуеит, аҳәса моу, ахацәа иреиӷьугьы дреиӷьхар ҟалап
ҳәа ргәы иаанагаз инацҵа-нацҵо дцоит. Иахьа абри

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Камаҷыҷ - 03
- Büleklär
- Камаҷыҷ - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3427Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3560Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3658Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3602Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3557Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3624Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3603Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3675Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3579Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20070.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3636Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3667Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Камаҷыҷ - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 552Unikal süzlärneñ gomumi sanı 4220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.