Latin

Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01

Süzlärneñ gomumi sanı 3683
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2262
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ЗАУР
БЫҬӘБА
Иҩымҭақәа
Аҩбатәи атом

Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа 2013

Заур Быҭәба. Иҩымҭақәа. Аҩбатәи атом. «Чаҵә
Чагә ихҭысқәа», ихарҭәаан ахԥатәи аҭыжьра, «Аԥсшәа
ахьхьышь­ҭрала» асериала актәии аҩбатәии ашәҟәқәа –
ажәабжь­қәа, аиҭаҳәахәтәқәа, анекдотқәа.
Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа. Аҟәа, 2013 – 504 д.

© Заур Быҭәба, 2013

Ианиҵеит
Заур Быҭәба

ЧАҴӘЧАГӘ
ИХҬЫСҚӘА
Ихарҭәаан ахԥатәи
аҭыжьра

• Ажәабжьқәа•
• Анек дотқәа •
• Аиҭаҳәахәтәқәа •

Чаҵә Чагә еицырдыруаз лафҳәаҩ дуун, жәабжьҳәаҩын,
жәытә ҭоурыхҳәаҩын, жәлартә сатирикын, аиаша иашь­
ҭаз уаҩын, Аԥсни аԥсуареи зыгәҭыхаз иакәын. Лафлеи хшыҩ­
ҵарралеи уи дырзааигәан Ҳиндосҭани Пакьысҭани жәлар­
қәа рлафҳәаҩ ду, рҟәыӷа Бирбали, аџьамқәеи атиурқьцәеи
рлаф­­ҳәаҩ Хәаџьагьгьа Шьардыни, арабцәа р-Џьухеи, азербаи­
џьан­цәа р-Бахлули, аказахцәа р-Алдар-касеи уҳәа егьырҭ
амилаҭқәагьы жәлартә рлафҳәаҩцәа дуқәа. Анаҩсан, Чаҵә
Чагә аԥсшәа адагьы даҽа ф-бызшәак идыруан, ибзиаӡаны
акәым­­­заргьы, дрылацәажәартә аҟынӡа. Абри адагьы уи аԥс­
шәеи ашәуеи (абазеи) бызшәақәа маанала, маӡашәарла ирны­
ҵәа­­хыло ажәытә аԥсуа-база ҭоурыхқәа – ажәытә иҟази, иахьа
иҟоуи, уаҵә иҟалашеи ирзаарыгӡа – реилкаашьа дазҟазан...
«Чаҵә Чагә ихтысқәа» – иара изкны жәлар ирҳәаз, иахьагьы
еиҭарҳәо ажәабжьқәеи, анекдотқәеи, аиҭаҳәахәтәқәеи реизга
шәҟәуп. Аччаԥшьи, ахҭыс џьашьахәтәқәеи, жәлар рҟәыӷареи,
урҭ рҭоурыхи ирышәҟәуп. Иара убри жәлар рҭоурых(а) итра­
дициатәым методла ицәырызгогьы шәҟәуп.
«Чаҵә Чагә ихтысқәа» анҵаны еизган 1954–2009 шықәсақәа
рыҩнуҵҟа. Хаз шәыҟәны раԥхьа иҭыжьын 1983 шықәсазы, нас
урысшәала аиҭага 1990 шықәсазыҳәан. Ихарҭәаан, аҩын­
тәраан еиҭаҭыжьын, аԥсышәалеи урысшәалеи 2009 шықәса­
зы. Ари ахԥатәи аҭыжьроуп, иацлақәазгьы ыҟоуп, урҭ рыӡ­бахә
ашәҟәы анҵәамҭан иара Чагәи уи ихҭысқәеи рых­цәажәараҿ
иҳәоуп, дара зҳәамҭақәоугьы ахьӡынҵар аҟны иарбоуп.
Ашәҟәы сахьала, иллиустрациала шьахәны еиқәыршәоуп,
ажәабжьқәа рызегь рынҵәамҭаҿ ахьӡынҵар – акомментари

рыцҵоуп, дара ажәабжьқәа шеишьашәалоу еиԥш, еилырганы
еизшоуп – классификациа рызууп, быжь-ҟәшакынгьы иртәаны,
рыбжьбагьы «Чаҵә Чагәи уи ихҭысқәеи» ҳәа аҵыхәтәажәаҿы
хазы-хаз иагьрыхцәажәоуп.
Сгәы иаанагоит «Чаҵә Чагә ихтысқәа» рышәҟәы ргәаԥхап,
рыхгьы иадырхәалап ҳәа аԥсуа жәлар рлафи, рсатиреи, ржәы­
тәи, ржәытәӡатәии ҳәамҭақәеи... ҭызҵаауа аҵарауаагьы,
иара убас Ҳа-Кавказ иашьагәыҭу ашәуаа (абазақәа), шаԥсыӷаа,
ҟабардаа, ачарқьазқәа, адыӷақәа, аубыхқәа уҳәа ҳжәытә ҭаа­
цәара ду иатәу ажәларқәа ржәытәтәии ржәытәӡатәии ҳәам­
ҭақәа ҭызҵаауа кавказҭҵааҩцәагьы.
Ари ашәҟәы хшыҩзышьҭра азыруп ҳәа сгәы иаанагоит иара
убас физикаҭҵаара иаҿу аҵарауаагьы, Шьашәырныхха еиԥшу
(искусственнаиа плазма) аиуреи ахархәареи рзы аҭҵаара ду­
қәа мҩаԥызго. Абри азы зеиԥшыҟам аинформациа уаҩы иоуеит
«Заур Аԥсуа-Абаза аҩбатәи иажәабжь, мамзаргьы амаӡа ду
абара» зыхьӡу ажәабжь аҟны. Уи хыҭҳәаам, иҟалаҵәҟьаз ауп,
ал­гамҭаҿ иааиҭакшәа иҟаҵазаргьы, аурысшәахь аиҭагаҿгьы
иацклаԥшуп, иуникалтәуп.
Чаҵә Чагә изкны ирҳәаз, абра иану ажәабжьқәа ирыԥхьо,
дааԥсаны дыҟазаргьы иԥсы идыршьоит, иԥсынҵрагьы дырду­
уеит, аччара шыхәшәу, уаҩ иқәра ишацнаҵо здыруа рзы, из­
зымдыруа рзгьы.
Иааԥсан иҟоу, иааԥсамгьы, шәымҩахыҵ Чаҵә Чагәи уи
иҩыз­цәеи рышҟа! Аԥснытәи ажәытә-ҿатә лафҳәаҩцәа дуқәа
рыш­ҟа. Бзиала шәаабеит!

I
АҲӘ ЫНҬ ҚАР Ц ӘА,
АҲЦ ӘА,
АҬ У ЏЬАР Ц ӘА,
АӠБ АҨЦ ӘА

ЧАҴ Ә ЧАГӘ И
АԤСҲА ГЬАР ГЬ И

Гь

аргь Чачба, ажәлар рҟны Гьгьаргәал Чачба ҳәа
зҳәозгьы ыҟан, аҵыхәтәантәи аԥсҳа Ҳамыҭбеи
Чачба иԥа иакәын. Иаб ихьӡ иаҳәо закәугьы шәымои:
Ҳа-Мыҭ(ы)-беи – аҳ Мыҭы ду ауп; Ҳамыҭбеи зҳәогьы
ыҟан – аҳ Мыт(а) ду ҳәа… Иара Гьаргь аҵара ду змаз уа­
ҩын, ихатәы бызшәа аԥсшәа адагьы афранцызи аурыси
быз­шәақәа идыруан, Кавказтәи абызшәақәа иҵегьгьы
нарыцҵаны; ашәҟәыҩҩрагьы илан…
Ҽнак Гьаргь Чачба Мықәҟа дцеит. Мықә Ашҭа аханы
Дәаб Мықә иахьалало рыбжьара аныхаԥаарҭа абааных
ахан аҩнуҵҟа иаб Ҳамыҭбеи иҳаҭгәын ыҟан, убра джын.
Са санаҿу аамҭа Ас Ду омак бжьымсыцкәа ауп, аԥхьа акәу
ашьҭахь акәу уажә цқьа исгәалашәом, аха.
Гьаргь Чачба аурыс ҳәынҭқар бзиа Никәалаи Аҩбатәи
ҳәа изышьҭази иареи ианқәыԥшыз аахыс еибадыруан,
убри азы акәхап, Никәалаи Аҩбатәи Урыстәыла ҳәынҭқарс
данахагыла, Аԥсны иалцаз Чачаа ахынҳәра азин зроуз,
иара Гьаргьгьы дзыхынҳә. Уаанӡа иаб Ҳамыҭбеи дах­га­
ны Урыстәылаҟа, Воронеж ақалақь ахь дахьыргаз, шық­
әсыкгьы дзымнеикәа иԥсҭазаара даналҵ, ирулак Мықәҟа
дааганы абра абас дамардеит. Уажәы Гьаргь Чачба да­хьааз
абрахь акәын. Ҳамыҭбеи данахыргаз иарбан шықәсаз
ҳәа кры удыруама уҳәозар, уи 1864 шықәсазоуп, Аԥсны
аԥсҳара ықәганы иаргьы аԥсҳара анимырх. Ус ҟазҵаз,
иқәызгазгьы аурыс ҳәынҭқар Алықьсандр иоуп, Аҩбатәи
ҳәа изышьҭаз иакәушәа сыҟоуп, уажә цқьа исгәалашәом
– ауаҩ хжәа, уаҩгьы изымӡырҩуаз… Ари ахҭыс аныҟала
шәышықәса ицоз Кавказтәи аибашьра анҵәамҭазоуп.

Иара Гьаргь иабду Сафарбеи иакәын, уи иаб Қьалышьбеи
иакәын. Қьалышьбеи хараны избоз уаҩын, Аԥсны Урыс­
тәыла иадҵан иахьчо иҟаҵазар иаҳа иазеи­ӷьны дахәаԥ­
шуан, аха дахьымӡеит… Уи ҟаиҵеит иара иԥа Сафарбеи
Чачба 1810 шықәса азыҳәан.
Аԥсны ахы иақәиҭны хазы ахала иҟазар иҭахӡамыз
Қьалышьбеи ҳәа уажә усазҵаар, ишԥеиҭахымыз, рҳәон,
аха ухыза аура гәаҭан ушьапы еиҵых рымҳәози аԥсуаа…
Имҳәа-мырӡа убри дахдырҟьазаргьы иудыруеи, игәра
мгакәа егьикәа…
– Сафарбеи Аԥсны Урыстәыла ианадиҵа, ус ишааиуаз, нас
абри рхашҭызшәа ҟаҵаны, игәамҭакәа, ҳаҭыр ҟамҵакәа
Аԥсны аԥсҳареи аԥсҳаи анықәырга, аԥсуаа аргәаан, Лыхны иааизан аҿагылара ҟарҵеит, ашьакаҭәарагьы ҟалеит –
аурыс полковники уи ицыз ихьчаҩцәа ҩажәаҩыкҟеи ара
иҭахеит. Ари иҟалаз Чачаа ирхаратәны Аԥсны шәықә­
ҵроуп ҳәа рыдиҵеит Алықьсандр II, ирхарамзаргьы, ус
шәы­мун, ус ҟашәымҵан ҳәа рыбжьқәа заҳауаз шыҟаз­гьы,
акгьы шырхарам шаҳаҭра шыруазгьы…
«–Уара, убри Қьалышьбеи дҭазырхаз иԥа еиҵбы Асланбеи иакәушәа зҳәақәо ыҟоуп, уи Аԥсны Урыстәыла
адҵара иҭахымызт ҳәа усгьы ацырҵақәоит; Ҭырқәтәыла
еиӷьишьозшәа, егьиуазшәа, уара иуаҳахьоузеи, иудыруазеи? – ҳәа дсазҵааит аӡәы. Нас усгьы нациҵеит: – Иара
Ас­ланбеи акәзу Арсланбеи акәзу ихьӡыз?» – ҳәа.
«– Аҩбагьы рҳәон. Уи Аԥсны хьыԥшымзар акәын ии­ҭа­
хыз, анахьгьы арахьгьы акәымкәа», – ҳәа иасҳәеит.
Ус егьыҟан. Иара иакәмызт, аха убри иашьеиҳаб Са­
фарбеи иԥҳәыс Егр-нырцәаа дреиуан, лан лоуп еиҵазҟәа­
ҟәаз ҳәа усгьы зҳәо ыҟоуп; Қьалышьбеи даныршьшаз ау­ха
лыԥ­ҳаи лымаҳә Сафарбеии Егры нырцә лҭаацәа Адианаа
рахь илгеит ҳәа убригь ацырҵон… Уажә уи анысҳәа, иҵегь
наҟ ҳажәытәан убрахь Адиан аԥсуа ԥҳәыс диман, ҩыџьа
ахшарагьы – аҷкәынцәа шьҭа ихбыџьқәан, рыхҩык­гьы,
рангьы даргь, абзарбзан ахы иҩадыргылан, иладҿа­ҳәа­­
лан иааҭдырҩрын, ицҟьашәҟьа иргахьеит… Изыхдырҟьа­

зеи ҳәа уҵаауазар, дара убас ҟазҵаз Аԥсни Гыртәы­леи
рыб­­­жьара аибашьра дырҵысит. Арҭ цәгьаҳәаҩцәахыз­­шәа
еиқәырҽаҽан лхаҵа, дара раҳ Адиан, иаҳәаны дыржьахзу
сеидроу, убас рзыруит. Акәымзар, урҭ духар раб Адиан иҭыԥ
нырымкылози, арахь ран даԥсуаны… Уи руаз­ма анҭ?...
Ԥсыуала Адиани Дадиани аҩбагьы ак роуп. Араҟа усгьы рҳәоит, егьысгьы. Иара ажәла ахаҭа жәытәла уахәаԥ­
шуазар, абаза иатәызар ҟалап, ус цәырнагоит… Егьыс, уажә
сара усазҵаауазар, Қьалышьбеи иҭахара иҭаца лан илых­
ҟьазаргьы алшоит, избанзар усҟан уи аҭаацәа рҿы иҵегь
иршьқәазгьы ыҟоуп рҳәон… Уимкәа иара Алықь­сандр II
ихаҭа иуаа иреиуаз шьоукгьы алахәын зҳәоз­гьы ыҟан…
Иара аурыс ҳәынҭқар иҟны Қьалышьбеи дҵәыл­хны ицәгьа
зҳәозгьы ыҟан рҳәон… Ацәгьаҳәаҩ­цәеи аинҟьаҩцәеи ау­
маҷхыз… Иара уажәыгь мачхәума… Уб­риакә­­заргьы ҟалап
нас Лыхны ашьакаҭәара иҟалаз зых­ҟьазгьы.
Аԥсуаа ахыц-ҩыцк мшыннырцә усҟан имцакәа иам­
гакәа инхаз р-Аԥсны аԥсҳара аақәганы, агыруа ҳра иҵе­
гьы ирӷәӷәаны, ирҭбаан иҟаҵаны, Урыстәыла уи иа­ҳа
иақәгәыӷуа, агәра аго егьиуа, ашьақәыргылара зҭах­қәаз­
гьы ыҟан рымҳәози, убарҭ дреиуазҭгьы иудыруеи Адиан иԥҳәыс. Ус акәзар, уи даара ԥҳәыс гызмалын удыр­
уоу!.. Лыԥҳагьы далахәызар – аҩыьџагьы рупапцәан уара
урҭ… Аха аиашаҵәҟьа уи шьҭа иуазҳәода акәымзар…
Лыхнытәи ахҭыс ашьҭахьоуп аԥсуаа рацәаҩны еиҭахгьы
иахыҵны Мҳаџьырра мшыннырцәҟа ихҵәаны ианца,
Чачаагьы Аԥсны иалцаны, иалҵны еиҭах ианаԥсаҟьа…
Иҟалаз ашьакаҭәара Чачаа ирыхҟьаз џьишьеит аурыс
ҳәынҭқар Алықьсандр II. Ҳазҭахымызгьы, Аԥсны иаҩаӡоз
егьырҭгьы иагьа бааԥсы иарҳәон уи – иаваргылан, иахаргылан, аиха аҭан… Аҽны уа Лыхны иҟаз ауаа, Ачачбақәа
збоз, ус шәымун, ус ҟашәымҵан ҳәа ирықәҳәҳәон, иры­
ҵаҟьон рҳәеит, аха Аԥсны аԥсҳара анықәига, Чачаа из­
гәаан убас ддырҟаҵеит игәахәт Алықьсандр II…
Абри ашьҭахь ақәҵра, ахҵәара зықәшәаны Қарҭҟа ицаз
Чачаа рыжәла Шьервашьиӡе ҳәа иҟарҵеит, Гыртәылаҟа

ицаз Чачибаиаа ракәхеит; Ачаа – Анчабаӡе, Маршьанаа
– Маршьаниа ҳәа. Ус заҟа ыҟоузеи. Маршьанаа, шамахак
акәым­зар, мшыннырцәҟоуп иахьцаз… Насгьы абри ам­
ҳаџьыр ҳәа иаҳҳәо ахьӡ ииашаӡам. Уи зыхьӡу адин азы,
ан­цәахаҵаразы ихҵәаны, иқәҵны ицаз иоуп. Аԥсуаа Кав­
казтәи аибашьра ду иқәнахит, ихнарҵәеит, иқәнацеит –
амҳаџьыр зрыхьӡузеи? Аибашьра ихнарҵәаз, аибашьра
иқә­нацаз ҳәа абасоуп ишиашоу, амҳаџьырцәа ҳәа акәым­
кәа. Аӡәык-ҩыџьак адинхаҵара, анцәахаҵара аҵы­­хәала
ицаз ыҟазаргь ҟалоит, аха… Егьыс, Чачааи, Ачааи, Лоуааи,
Бло­уааи, Маршьанааи, Жәандуааи, Ԥанахааи уҳәа аԥсуабазақәа Ҳа-Кавказ, ақырҭцәа ркәакәыл ықә­на­га­лаан­ӡа­
гьы, убрахь инхозгьы ыҟан, рыхьӡ зху радгьыл­қәагьы ра­
цәоуп, аа, уажә иуҳәозар, Самач(а)бели, Самачабло ҳәа
қырҭ­шәа­ла изышьҭаз, иахьа Аахыҵ-Уаԥстәыла ауп – Ачаа
рыдгьыл, Ачаа-Блоуаа рыдгьыл, ртәы ҳәоуп ирҳәогьы…
Егьи, Чачибаиа ҳәа иҟалаз – Ачачба итәы, имаҵуҩы, ихәу­
ҩы ҳәа усала ицәажәаргьы ауеит; ҩбаны, ҩ-ҵакык аманы
иҟазар алшоит…
Уажә абра абарҭқәа абриаҟара зырхысҳәаауа уиоуп,
аԥсҳа иԥа Гьаргь, Гьгьаргәал Чачба ҳәа абжьуаа рҟны зыӡ­
бахә рҳәоз ихаҭагьы усҟан иахцақәаз дреиуамыз, уажә
Мықә аԥаарҭа ахан даадәылҵын, иԥсы неиҭеикырц дын­
кахәыцуа аҵла ду ашәшьыраҿ днатәеит, иакәырша­ны
арымӡқәа реиԥш иаҵаҟаҵан.
Абри аамҭаз Чаҵә Чагәи Бигәаа Исеи ҽыжәланы иааи­
уан, ианааивала дырдырит. Акыс, Чагәи иареи еиба­ды­р­
уеижьҭеи кыр ҵуан, уажә ара ас даниқәшәа аԥсшәа иам­
ҳәакәа дцозма, иааҽыжәҵит.
Ԥыҭк иааицәажәахьан еиԥш:
– Уара, Чагә, абри ҳара Чачаа жәытәаахыс ҳабзиахә­
ха ҳааиуан, аҵыхәтәаны абриаҟара ҳкыднаҟьеит, ҳаԥса­
ҟьеит, абри Анцәа ҳзыхирҟьоу ҳәа угәы иаанагоузеи?... –
иҳәан, дҵааит Гьаргь.
– Гьаргь, шәара Чачаа Аԥсны анхара азин шәымам­кәа
шәҟарҵаанӡа шәыҩны аҿы абахаз?... – иҳәан, аҭак ацын­

хәрас иаргьы днаиазҵааит Чагәгьы. Исагьы ари азҵаара
азныказ изеилымкааит, иагьааџьеишьеит.
– Ҳара, Аҟәа мацара атәы уҳәозар, хәы-ҩнык ҳаман, руа
иарбану уара узҿу?! – иҳәеит Гьаргьгьы иааз­џьеишьан.
– Уаб, аҵыхәтәантәи аԥсҳа, Ҳамыҭбеи чачба дахьынхоз, Чачаа шәыҩнду, шәаҳҭынра ҩны, Аҟәа Шьамаххәа
ахәышьха лада анаара, амшын ихԥшыло, иаҿагылоу ахан.
Убри аҿы абахоу?..
– Мраҭашәарахь… – иҳәеит Гьаргь еиҭаазџьеишьан.
– Убриоуп шәзыхҟьа, – иҳәеит Чагә. – Аԥсуаа рыҩнқәа
рыҿқәа жәытәаахыс мраҭашәарахь идырхом, ҵасым ҳәа,
уи ахҵәара, аԥсра-аӡра иатәуп1, – ҳәа усгьы нациҵеит.
– Уиашазар ҟалап… – иҳәан, Гьаргьгьы уаҳа ахым­
ҳәаакәа, акы дазхәыцуа даатәеит.

И ҬАБУП ҲӘА
СЫЗИАҲӘА

А

ҵыхәтәантәи аурыс ҳәынҭқар Николаи иуа апринц
Ольденбургски Гагра дынхон. Абра уи ихазы иргылеит зеиԥшҭам ахан ду. Ахан ҿыц даныҩналоз ачара
ду иуит. Абрахь ачарахь уи иааиԥхьеит аурыс малуаа,Ҳажәытәан (абас зҳәоз абыргцәа ыҟан) аԥсуаа ус иаԥым, иҟалом
иҵасым ҳәа рыҩнқәа рыҿқәа мраҭашәарахь идырҳәуамызт – уи
аԥсра-аӡра, ахҵәара иатәын ирыԥхьаӡон. Амра амшын «ианӡаалоз»
ахәыҷқәа ахәадырԥшуамызт ишәзеицәоуп ҳәа, хәмаррагьы ашҭа
иқәырҵомызт, даргьы ахәаԥшуамызт, рҽыԥхьаркуан; ари аҩыза
Амра «ашәымра», «аԥсымра» ҳәа иашьҭан. Зны-зынла иара калаҭк
иадамҩыло иҟаԥшьӡа ианҭашәоз акәытқәаҵәҟьа еибарыҩны
акәытҭра иҭаланы рҽыԥхьаркуан, заа иԥхьарылон; ишырзеицәаз
акала еилыркаауазар акәхарын… Аԥ­с­ҭақәа ирҭанхаз, Амра анҭашәоз
амшын «ишӡаалоз» зымбоз рыда дарбан­заалак егьырҭ зегьы
рыҩнқәа рыҿқәа мраҭашәарахь идырхомызт.
Абри ажәабжь аҟны Чаҵә Чагә абас абри аҵас цәырган дзала­
цәажәа, аԥсҳацәа усҟантәи рполитикатә хырхарҭа иазкызаргь ҟа­
лоит, ҩадаҟа акәын иахьаҭахыз ҳәа, Ҳамыҭбеи иахьгьы инарханы.

акыр зкыз аԥсуа ҭауад-аамсҭацәа, иара убас ажәлар рҿы
унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз аӡәык-ҩыџьак анхацәагьы.
Ап­рынц иҭахын аԥсуаагьы ҳаҭыр иқәырҵалар, бзиа
дырбалар.
Зны уск аҵыхәала Чаҵә Чагә апрынц Ольденбургски
иҟны днеит. Ачара аҿҳәара ааигәаӡахахьан. Ачара усқәа
еиладырхаз апрынц Чагә ишахәҭаз еиԥш дидимкылеит,
уимоу, дзызнеиз аус аҵыхәанӡагьы дазымӡырҩит. Чагә
иажәа цқьа далгаанӡа, апрынц имаҵуҩы дааиԥхьан аҽы­
уардынхьча ишҟа ддәықәиҵеит ҽыуардынла лассы дысзааиааит, џьаранӡа цатәыс исымоуп ҳәа.
Чагә ари аҩыза аниба, апрынц бзиала ҳәа наиеиҳәан,
дласны ишьҭахьҟа иҿынеихеит. Ҵаҟа дахьнылбааз, Ольденбургски иаҳҭынра ахкаара аҭаларҭа иаҿаз агәашә
ду­қәа инарҭалан, хыхь аҳҭынрахьы ихаларц зҿыҩазхоз
аҽы­уардын днадгылеит.
Чагә аҽыуардын ашьҭахьтәи атәарҭаҿы ишьамхы еи­
қәыр­шәны дынҭатәан, ухынҳәны уцала ҳәа наидиҵеит.
Афаетонхьчагьы иааирҵәиин Гәдоуҭа шыҟаз рхы рханы
амҩа инықәлеит. Чагә аԥша ашәшәыҳәа исуа, иҭаҭынжәга
даҿыхо Гәдоуҭа иабхәа а-Гыблеи дахьынхоз данааи: «Абра
уаангыл, сааит!» – иҳәан, афаетон дналбааит.
Гәыҩбарак иоузар акәхап, афаетонхьча Чагә ихы наи­
қәикын:
– Апрынц имаҵуҩы џьара цатәуп иҳәеит, аха иахь­
цатәыз имҳәаӡеит, абрахь акәызма апрынц ихаҭа сааишь­
ҭырц ахьиҭахыз? – иҳәан, дҵааит.
– Уи арахь даарц иҭахӡамызт, – иҳәеит Чагә. – Са
сакәын изҭахыз!
– Ҳаи, ус акәзар, апрынц уажәыгь дысзыԥшны агәашә
аҟны дыҟазар акәхап!.. Ҳаи, рацәа сыӡит!.. – иҳәеит афаетонхьча.
– Ушаҟәыҵра, – иҳәеит Чаҵә Чагә. – Атәыла бгама баша
нхаҩык знызаҵәык апрынц иҽыуардын даланыҟәазар!
Уара упрынц ҳара ҳҵасқәа бзианы идыруеит. Иҩны, ха­
рантә, Очамчырантә асас данаа, ибзианы дидикылеит,

иахьуҭаху лассы унанагап ҳәа, аҽыуардын ииҭеит. Изхыс­
ҳәаауа, абас еиԥш еидикылеит. Уаныхынҳәлак, машәыр
ҟам­ҵакәа дганы дынсыжьит, иҭабуп ҳәа иҳәеит ҳәа сы­
зиаҳәа.
ЧАҴ Ә ЧАГӘ И АУ Р Ы С ҲӘЫ Н Ҭ ҚАР
АЛЫҚЬСАНД Р III

А

урыс ҳәынҭқар Алықьсандр III иԥҳәыси иԥа Николаи II иманы Аԥсныҟа, Ԥсырӡха, Афон Ҽыц ҳәа
хьӡыс изырҭаз ашҟа дааит. Абраҟа ахәаҿы инхоз иуацәак
рҟны сасра дыҟан Чаҵә Чагәгьы. Уи агаҟа дахьнал­бааз,
аҳәынҭқар иԥылоз ауаа дуқәа дҩарыдгылт. Ара иҟан
аԥааҩ­цәа реиҳабацәа, иара убас аҭауад қәыԥш Гьаргь Чач­
багьы2. Уи ибзианы дидыруан Аԥсны иахьабалак зыӡ­бахә
неҩхьаз Чаҵә Чагә. Уажәы ара даниба, аҳәынҭқар иа­
хьиԥылоз уҽҳалархә ҳәа днеиԥхьеит.
Аҳәынҭқар, уи иҭаацәа, нас иара иԥылоз зегьы хыхь
зыргылара иаҿыз аԥааҩцәа рхан ашҟа рҿынархеит. Уа
иааигәан, рацәак бжьамызт азы, излахалоз амҩа уарҳалла
ихҟьаны ирзыҟарҵеит. Ианхала, рацәак инымхакәа, ры­
шь­ҭахьҟа илбааит.
Аҳәынҭқар иԥҳәыс Чагә ԥсуа маҭәала деилаҳәаны,
дӷьаз­ӷьазуа данылба, абри дызусҭада ҳәа Гьаргь Чачба
диаз­ҵааит. Ари Аԥсны анҭыҵгьы зыӡбахә неҩхьоу алаф­
ҳәаҩ ду, ажәабжьҳәаҩ, аурысшәагь здыруа Чагә Чаҵәба
шиакәыз анлеиҳәа, аҳәынҭқар ԥҳәыс, илаҳаз лгәы иахәан,
лхаҵа иалҳәеит.
Ас заҳаз аҳәынҭқар Чагә дааиԥхьан, ихшыҩҵарра ԥи­
шәараз:
Гьаргь Чачба – Гьаргь Дырмит-иԥа Чачба (Аҟәа, 1847–1918)
Қарҭ губернаторс дыҟан, обер-ҳофмеистер ичын иман, аурыс
ҳәынҭқар Алықьсандр III иԥхәыс Мариа Фиодр-иԥҳа лканцелиариа деиҳабын 1905–1915 шықәсқәа рзы. Москватәи ауниверситет
аиуристтә факультет далгеит 1868 рзы.
– Иуҭахызар ачын ду усҭап, абра Афон Ҿыц аԥааҩцәа
рҟны уанааилакь, абас ауарҳалқәа узкаршәны иуԥылартә
еиԥш, иахуҳәаауазеи? – иҳәан, диазҵааит.
– Иҭабуп, уххь згеит, аха ус аҟаҵара иаԥсам... Аԥааҩ­
цәа ақәшаҳаҭымхар ҳәа сшәоит, – иҳәеит Чагә.
– Избан?! – дҵааит иџьашьаны аурыс ҳәынҭқар.
– Избанзар, сара уаҩ ӷарк соуп, ара сааицыԥхьаӡа аԥааҩ­
цәа ауарҳалқәа каршәны ачеиџьыка сзыҟарҵо иалагар,
лассы-ласс ааира самхалагоит. Ус лассы-ласс ааира салагар, ари ҳихәом, ачын ду зышәҭаз ҳуарҳалқәа ирхеит ҳәа
шәышҟа инеины сзашшра иалагоит. Убри аҟынтә, уххь
згеит, исымх, исықәнагом сара убри аҩыза ачын ду, еиҳа
еиӷьуп, саԥсуа нхаҩны сшыҟоу сыҟазааит!
ИШӘҬАХ Ы ЗАР – И ЖӘГА!

Ч

аҵә Чагә Џьгьарда ақыҭан ачара иаҳәан. Аҽны абра
еизеит асасцәа дахьқәа – абжьуаа рыҟны унеишьуааишь ҳәа зарҳәоз анхацәа нагақәа, ҭауад-аамсҭцәа.
Ачараҿы аҭамада акымкәа-ҩбамкәа еишьҭаргыла­ны
жәа-ҵәыҵак дрыхныҳәан ианижә, ивараҿ итәаз Чаҵә Чагә
ииҭеит. Чагәгьы урҭ ажәаба анижә, иааигәа итәаз аҭа­уад
Гәылрыԥшьиԥа ишҟа диасит, жәҩахырла ицон.
– Кыр рықәуҵама, Чагә, арҭ аҵәцақәа, мамзаргь ус
баша исуҭоу? – дҵааит аҭауад. Усҟантәи аамҭазы абас ача­
рақәа рыҟны анхаҩы иижәыз иаҵәцақәа ҭауадк ииҭо­зар,
ақәҵа ҟаиҵар акәын. Ақәҵа ҳәа иҟарҵоз, шамахамзар,
рахәҭиаан: аҽыкәаша, аԥсаса, ашьамаҟа бзиа уҳәа убас
егьырҭгьы. Чагәгьы иҟаиҵаран дыҟааз, аҭауад ас аниҳәа:
– Абарҭ аҵәцақәа ирықәсҵоит зеиԥш уаҩы имбац
акамбашьхьа бзиа! – иҳәеит.
– Ҳоҳ, убри аҩыза арахәҭиаа бзиа уара ианусҭа, уаҳа­
ҭыр аҟынтә, ҽнакгьы иудмырхалакәа ауаа нашьҭны из­
гоит! – дгәырӷьаҵәа даацәажәеит, Чагә игәырҩа дагозшәа,
аҭауад ԥсыцәгьа.

Адырҩаҽны Чагә изымдыруаз шьоукы иашҭа иааҭа­
леит. Урҭ аҭауад Гәылрыԥшьиԥа акамбашьхьаз инаи­шь­
ҭзаап.
– Сара сажәа ажәоуп, – иҳәеит Чагә. – Аха раԥхьа шәааи
аҩныҟа, астол ахь, нас шәыззааизгьы жәгап...
Кранырфа-краныржә ашьҭахь, Чагә асасцәа днараԥ­
гылан иҿынеихеит. Аҩны иахьааваҵәиз адәҳәыԥш ыҟан,
убраҟа ҳәаса дук ашьаҭа ашаха акәыршан ҵәыгәагә дук
иадҿаҳәалан.
– Абар скамбашьхьа ахьыҟоу! – иҳәеит Чагә.
– Ишԥа, уара, аҩы уашьума?! – иџьаршьеит асасцәа,
рыгәгьы иалсит. Ари иаабац ҳәасоуп, џьаракыр иуцәцар
ҳәа ушәома, аҵәыгәагә ыҵаҵан иадҿаҳәало! Анцәа иныс,
ас ҟазҵаз уара ииашаҵәҟьаны аҩы ушашьыз!
– Ҳаи, шәара еснагь Анцәа ԥыла зиҭалаша, аԥсуа қәра
ду нызҵша сысасцәа!– иҽырхықәҵаны ҿааиҭит Чаҵә
Чагә. – Иабажәбахьоу абри аҩыза аҳәаса бзиа! Дарбану
абри аҩыза ахазына камбашьыжәк азын иузҭо? Ԥҳәы
асҭом, ԥшы асҭом, арахь есышықәса ршык3 ҳәа снар­жә­
уеит, кәахак ҳәа сҿанаҵоит, аха уи еиԥшу Аԥсны иу­зыԥ­­­
шаарым! Уи амацара аума, изакәытә уарениоузеи иал­
ҵуа – ҭаацәак ҳаилнаҳәоит! Мап, аҭауад иаабац акам­
башьхьажә шԥаисҭо, абри аҩыза гәык-ԥсыкала исҭоит!
Зеиԥш ҟамлац ҳәоуп саргьы ишиасҳәа. Ашаха аан­кыланы
шәырахәҭиаа жәга! Ус сҳәеит ҳәа, ишышәҭаху: шәҭахы­зар
– ижәга, шәҭахымзар – иҟаз. Сара исусу сажәа анагӡароуп!

ЧАҴ Ә ЧАГӘ И
МАРШЬАН ДЫ Р М И Т И

Ҽ

нак зны уск аҵыхәала Чаҵә Чагә Маршьан Дырмит иҩны днеит. Дырмит Чагә иӡбахә акырынтә
иаҳахьан, убри аҟынтә дихыхәмарны лафк илихырц иӡбит.
Аршы – ауатка.

Маҷк аабжьысхьан еиԥш, асас астол ашҟа днарԥхьеит,
Дырмитгьы днеины днаидтәалеит. Ус Чагә иааган иааим­
ҵадыргылеит џьам гәаҩа дук азна ахырҵәы, амҳаҵә аҭы­
ԥан ачымсҟәыл хыршәланы.
Дырмити иҭаацәеи Чагә ииҳәарызеишь, иҟаиҵары­
зеишь ҳәа, ицәыҵаччар цәгьа ирымбо, изыԥшуан.
– Сара исыздырӡомызт, Дырмит, аҭауадцәа абриаҟара
ажьы мыцхә дзыркуаз, – иҳәеит Чагә, зыхәда хырчаа
иаԥхьа итәаз аҭауад дԥышәырччо днеизыԥшын. – Иҟа­
лазеи ҳәа сыҟахын, егьи, аус зуа анхацәа дара ракәу­шәа,
абас чамсҟәылла акрырфозаап! Сара сакәзар, ачам­сҟәыл­
қәа рҭыԥан амҳаҵә хәыҷқәа ракәын ирысҭоз, убарҭ рыла
ирфалааит!..
Ари заҳаз аҭауад шәпа-жәпа ду Дырмитгьы даамхаччеит, иаҳаз игәы иамыхәазаргьы, дымгәаазшәа ҟаиҵеит,
избанзар иара иакәын Чагә алаф илзхырц иалагаз.
ЧАГӘ АҬАУАД
ИГӘАԤХА Ш Ы Н ЕИ ГӠАЗ

А

лма Ачба еицырдыруаз ҭауад гызмалын. Ҽнак зны
абра Чаҵә Чагә дахьнеиз Алма ус иҳәеит:
– Қыжә жьык афара сгәаԥхоит, Чагә, иԥшааны исзааугондаз, уареи сареи ҳаидтәаланы иҳамфарыз!
– Уара иугәаԥхаз анагӡара сара акрахсырҵуама, аха сҽы
ааԥсаны иҟоуп, уи уақәтәаны уажәы акгьы узашьҭалом, –
иҳәеит Чагә аҭакс.
– Ибзиоуп, уҽы ус иааԥсазар, ара иҟаз. Ухынҳәаанӡа
краҿарҵап, крадыржәып, аԥсы адыршьап, уара са сҽқәа
иреиӷьу унацәа зқәукуа акы кәадырны иурҭоит, ақыжә
уашьҭал. Амала абжьыуаа рыҟны иреиӷьу ззырҳәаша
ԥшаа. Ара сыҩны усасуп егьа умҳәан, иреиӷьу сасуп...
Уара узоуп саргьы изысҭаху... – иҳәеит Алма.
...Чагә Алма иҽқәа иреиӷьыз дақәтәаны аҳҭынра ашҭа
дынҭҟьеит. Мчыбжьыкгьы ихабар рымбаӡеит.

Абри аамҭала Чагә аҭауад иҽы дақәтәаны иҭынхацәа
аӡәырҩы рбаразы дрылсит, ишыҟаз-ишаныз еиликааит,
нас Гәыԥ Аԥсҭа игылаз Алма ихьшьцәа рыҟны дын­кылсит.
– Алма сасдахьк диҭоуп, ҳаҭыргьы дуны иқәиҵарц
иҭахуп. Уцаны иреиӷьу қыжәк рымхны иаага ҳәа сааишь­
ҭит сахьнеиз, ихашәымҵозар, аа, иҽгьы сахьақәтәоу! –
иҳәеит Чагә.
Ахьшьцәа, ари аҩыза анраҳа, иҩалаԥшны иреиӷьыз
қыжәк ирҭеит. Рыҭауад ду ус аниҭахха, дара уаҳа иҟар­
ҵаран иҟааз.
Амра ҵлак ашәара иҩхалон еиԥш, абжьымш рыҽны,
Чагә иқыжә иҽыхәда иқәкны Алма иашҭа дынҭалеит.
– ...Абжьыуаа зегьы сырхысит, аҵыхәтәан зегь реиҳа
ажьы змаз ақыжә бзиа сақәшәеит! Изтәуи, измысхызи
ара иабаҭаху. Аус злоу, иугәаԥхаз ҟасҵеит, нхаҩык иаҳа­
сабала, суал насыгӡеит, – иҳәеит Чагә.
– Ақыжә замана уԥшаазаап, абжьыуаа рыҟны моу,
Аԥсны зегьы уахысыргьы ас ажьы змоу умԥыхьамшәар
ҟалап! – иҳәеит Алмагьы игәы иаахәаны, Чагә иааигаз
«аҳам­ҭа» илаԥш аҟәымго. – Изтәу, измухыз, ишимухыз
абаҳ­ҭаху, иара ара иҟазааит!
Ахәылԥаз Амра аҭашәамҭаз изхара ақыжәжьы ыфаны, аҭауад иҳардан ҩы ала иқьаф ӷәӷәала иҟаҵаны, иара
аҭауад ихаҭа ихы изымдыруа аҩы даршьны, зыԥсы зшьахьаз иҽы дҩақәтәан, аҳҭны ашҭа цәӷәыхаа ашьҭақәа
ланҵаны, дцеит Чаҵә Чагә.
Мышқәак аабжьысхьан, Алма Гәыԥ Аԥсҭаҟа ихьшьцәа
рахь дцеит. Уа дахьнеиз еиликааит Чагәи иареи еицырфаз
ақыжә иара ихаҭа итәы шакәыз.
ЧАГӘ
Д Ӷ ЬЫЧЫҨХА Р И ҬАХЫ М

А

ҭауад Алма Ачба чара кьаҿк иман. Уи абрахь иааи­
ԥхьеит Чаҵә Чагә иеиԥш унеишь-уааишь ҳәа зар­
ҳәоз егьырҭ анхацәагьы. Алма ас зыҟаиҵаз уи ҭа­уад-

аамсҭа реиԥш анхацәагьы ҳаҭыр рықәиҵоит ҳәа рҳәарц
азоуп. Аҭауад – жәытәӡала ҭҳаӷәадад акәын, нас – ҭҳаӷәад.
Иандыртәа, аныҳәаҿақәа ахьныркылоз, Алма Чагә
дныҳәауа, аҵәца шьҭыхны ус иҳәеит:
– Сара ҭауад-аамысҭеи нхаҩи ҳәа еилысхуам. Абзиа —
дыбзиоуп. Иахьа абра дыҟоуп Чаҵә Чагә, иныҳәаҿа ныс­
кылоит. – Нас Чагә иахь ихы наирхан: – Агәабзиареи ама­
зареи Анцәа иуиҭалааит! Аԥсны иқәынхо зегьы реиҳа
амал уоуааит!..
– Уаа иҭабуп, Алма, амазара мап ацәыскратәы, аха
сшәоит, усҟан... – Чагә иажәа неимыгӡеит.
– Усҟан узыцәшәо закәыз? – изеилымкааит Алма.
– Амазара ду соур, сӷьычҩы духар ҳәа сшәоит, – иҳәеит
Чагә.
Ари зегьы арччеит, иара аҭауадгьы дналаҵан. Аха нас:
– Избан узӷьычыҩхо?! – дҵааит Алма.
– Аиеиҵәҟьа?!
– Избан иара?! – иҵааит егьырҭгьы.
– Саб ԥсаҭа шкәакәа, Абрагь, иҳәон, зегь реиҳа ибеиоу,
зегь реиҳа дӷьычҩуп ҳәа, – иҳәеит Чагә ирлафны. – Убри
ауп сзыцәшәогьы...
Итәаз амалуаа аӡәгьы игәамԥхазаргьы, ирындмырԥ­
шит. Алаф азы астол аҟны игәаауа ажәладақәа роуп, иаԥ­
суарам азы.
АҬАУАД
ИЧГЬАХЬА ЕИ Ш ӘА

Т

амшь акәу сгәалашәом инхоз аҭауад Хабыгә Ачба
зчеиџьыка бзиаз уаҩын, аха ацәаҩа бааԥсқәа иман.
Уск аҵыхәала абри ишҟа анеира иқәшәеит Чаҵә Чагә.
Аишәа бзиа издырхиеит: акәац ӡны, ижәны, акәтыжь,
аҳардан ҩы уҳәа иарбаныз иҟамыз.
Акрыфара ҳәа ианаатәа, Чагә иаԥхьа иқәгылаз асаан
ижәыз жьыхәҭа бзиак аанихит, аха излаԥиҟоз ҳәызба
има­­­мызт. Ҟамала усгьы иԥырҟом.

Аҭауад Ачба ус ҵасс имазаап: ҳәызба зыҟәнымыз асас,
акәац имҵхны аҟәыд имҵаиргылон. Убас изиуит Чагәгьы.
Чагә иҟәыд даахан ҿаҵақәак ифеит. Нас иаҵәца ҩышь­
ҭихын, иҩхҭәаланы:
– Сгәы иалсгәышьеит, Хабыгә, узыниаз агәаҟра... –
иҳәан, ижәит.
– Ари иаанагозеи, Чагә?! Анцәа имҭала аҩны зегьы
ҳаи­бгоуп!.. – иџьеишьеит аҭауад.
– Анцәа иџьшьоуп, ус акәзар! – ирхықәҵаны аҭак
наииҭеит Чагә. – Ҳаԥсуа ҵасла, акәац аҭыԥан аҟәыд
ахьум­ҵадыргыло аиныхраҿ ауп. Акәац сымҵхны аҟәыд
ан­сымҵадыргыла, рыцҳарак ҟаланы аиныхраҿ сыҟоушәа
збан, уи ауп изхысҭәалазгьы... Аиныхраҿ, ишудыруа
еиԥш, ихумҭәалар ҵасым...
Абас Чагә Хабыгә аҭак изыҟаиҵеит.
ЧАҴ Ә ЧАГӘ И
МЫРЗАҞАН АЧ БЕИ

А

ҭауад Мырзаҟан Ачба Егрҭа дынхон. Уи анхаҩы
Чаҵә Чагә иӡбахә ас ибзианы ианиаҳа, дааԥхьан
лафла даҵаирхарц игәы иҭеикит.
Аҭауад уиҭахуп анырҳәа, Чагә дааит...
– Ажьҭаацәа сқәаҵа иҵоуп, аха рыцҳарас иҟалаз, руаӡәк
дахьықәлаз ишаха кьаҿцәахеит, изылаӡом, иҟоуҵалак­
гьы иаԥысшьыша ԥшааны исзааугароуп! – иҳәеит аҭауад,
ишьамхы еиқәыршәны дахьтәаз.
– Ибзиоуп, уи уадаҩым... – аҭак ныҟаиҵеит Чагәгьы.
– Аха, умбои, ашаха ԥслымӡтәуп, уара иаауго аԥшьтәгьы
ԥслымӡтәызароуп, – иҳәахт Мырзаҟан гызмал. – Уара удагьы уаҩы изаагом... – ҳәа усгьы нациҵеит.
– Ибзиоуп, – иҳәеит Чагә, дааиԥхьхәыцаан. – Амала уи
аҵла снаҵаԥшыроуп, икьаҿхаз аԥслымӡ шаха збароуп,
ушьҭан заҟа ацҵатәу здыррацы. Исшәап, иззап, уаҵәы
ашьжьымҭан ирмазеины ара иусырбап!
Абас Мырзаҟан даҵахеит.

АӠБАҨ ИԤҲӘЫ СИ
ЧАГӘ ИИ АҲӘЕИ

Ч

аҵә Чагә аиаҳәа имамызт азы иҟаиҵарц иҭаххеит.
Ианыҟасҵах, ачамҳаҵла иалсхып иӡбын, Ачамчыра ҳәа иахьашьҭаз, Аҳалзга4 амшын иахьалало аҩадахьала
иҟаз ачамҳа еилачырахь ихы наирхеит. Ачамҳақәа Аӡеи­
қәа аԥшаҳәаҿгьы иуԥылон.
Дышнеиуаз, Аҳалӡга ахықәанҵәҟьа чамҳа ҟаимаҭк,
аҽҳәагьы алҵуа, илаԥш наахеит. «Ачамчыранӡа сызцом,
уатәи ачамҳақәа шьҭа иқәӡаауеит, иҟазааит», – иҳәан, иибаз ԥҟаны, ирыцқьаны аҭыцәаара далагеит.
Адырҩаҽны, зыбжа ҭыцәааны инижьыз иҽҳәаҿы дааизар, иабаҟоу, ауха ашьха ақәа ӷәӷәа аузаап, Аҳалӡга хыҵны
иагахьан.
Издыруда џьаракыр ихықәнажьлан избозар ҳәа такәы
дцахьан еиԥш, данынаԥш, изымдыруаз аӡәы ииаҳәа дад­
тәаланы аҳаҳаираҳәа, гәамжьаҵәла аҭыцәаара даҿуп.
– Ари са стәоуп, – иҳәеит Чагә, – Аҳалӡга иаган абрахь
ихықәнажьлеит.
– Уара иутәын... Уажәы са исыԥшааит, аӡы иамсхит,
иахьантәи ашаракгьы аҭыцәаара саҿуп, уусс иалоузеи
шьҭа?! – аҭак ныҟаиҵеит аҭыцәаара иаҿыз. Уи Еснаҭ
захьӡыз уаҩ беиа каҷбеик иакәын.
Ажәакала, аиаҳәа еимакхеит.
Еснаҭ дҩықәлан Очамчыра дцан, иидыруаз ӡбаҩык аус
иуан, Чагә ҳәа гәыԥтәык сииаҳәа сымеикит ҳәа дашшит,
аусгьы ҟалартә иҟаиҵеит.
Рацәак мырҵыкәа Чагәгьы Еснаҭгьы Очамчыраҟа
аӡбаҩ дрыԥхьеит – аус еилдыргон.
– Аиаҳәа сара истәуп, избанзар Чагә аӡы ицәагеит, сара
избан иамсхит! – иҳәеит Еснаҭ аӡбаҩ ишҟа. Аусгьы абриала ирӡбарц ргәы ишҭаз, аҵыхәтәантәи ажәак сҭахуп ҳәа,
Чагә дҩагылан, аӡбаҩ ихы наиқәкны:
Аалӡгоуп, ажәытә хьыӡ, ажәытәӡан – Ахалӡгажә(а).

– Уххь згеит, аӡбаҩ, зҵаарак сымоуп, аҭак узыҟаҵар,
нас сара аҵыхәтәантәи сажәа сҳәоит, – иҳәеит.
– Ахазына, усазҵаа! Зҵаарас иаауҭаху зҭак сзыҟамҵо
ҳәа акгьы ыҟам! – дааҽхәеит аӡбаҩ, шьоукы-шьоук ӡбаҩ­
цәақәак ишырдырло еиԥш.
– Ус акәзар, уххь згеит, аӡбаҩ, исаҳәа: аӡиас хыҵны
уԥ­ҳәыс дагеит, иаҳҳәап, ажәа аҟынтә. Аӡәы дамихит. Аҩ­
ныҟа дугоу, дамызхыз дизынужьуоу?! Дызтәхода? Иара
иакәу, уара уакәу?
Аӡбарҭаҿ еизаз ауаа ааибарччеит, аӡбаҩгьы, ииҳәаша
дақәымшәо, аҭак ныҟаиҵеит:
– Еилкаауп, сара дыстәуп, иара дышԥеитәу?!
– Ус акәзар, уххь згеит, сииаҳәагьы сара изгоит! Уԥҳәыс
уара дутәызар, сиеҳәагьы сара истәуп! – иҳәеит Чагә.
Абас Чагә ииаҳәа рымихит.

З АҞА АХӘААХӘҬҨ Ы
УИЕИԤШУЗЕИ !

–И

абыкәу, дад, абра ашьал-касқәа ахьырҭиуа
адә­­қьан ахьыҟоу? Сеимдан – избом, арахь маҷ­
кгьы сыццакуеит... – иҳәан, Очамчыра аӡбаҩ дахьтәаз ашә
ихы ныҩнакны дҵааит Чаҵә Чагә. Аӡбаҩ ишә амҩаду ав­
сны ицон.
– Исыздыруам, сара схәаахәҭыҩӡам, сыӡбаҩуп! Акас­
қәа ахьырҭиуа сара издыруеит ҳәа угәы изаанагеи?!.
– ихжәаны даацәажәеит уа итәаз ачынуаҩ-аӡбаҩ, ахаҵ­
гы­лара усгьы иҽазимкит. Ари зуаҩхжәарала аӡәырҩы ир­
дыруаз ӡбаҩ-ҵарҭышагаҩын.
– Абра сшавсуаз уанызба, хәаахәҭҩык сихҩашьалан
суазҵаан... Ахәаахәҭыҩцәа дара-дара еибадыруеит усгьы... Ҳаи, Анцәа ишәиааит, заҟа ахәаахәҭҩы уиеиԥ­шу­
зеи!.. –иҳәеит Чагә аҭакс.

ЧАГӘ
Д ДУКАТУ П

О

чамчыра инхоз аҭуџьар беиа Мысҭаф имаз-ихӡыз
зегьы, ашәи ақәшәазшәа, илықәблаа ицеит.
Аҭуџьар игәы ԥжәо, ихы ԥжәо даанхеит. Наҟ-наҟ ишы­
ҟаиҵашаз дазхәыцуа, итәы зқәу игәаларшәо дышнеи­
уаз, ихатәы крыфарҭаҿы, зны уалла ҳәа, Џьарнас захьӡыз
нхаҩык хә-кәтаӷьк шиҿеиҵахьаз ааигәалашәеит.
– Арҭ ахәкәтаӷьк уиаахыс исымазар, ҩышә кәты
рхылҵхьазаарын! – иааиԥхьаӡеит акаҷбеи-блы. Нас Џьар­
нас дахьынхозгьы идыруазаарын, ауаҩы диниҵеит, абас
ауп, абриаҟара стәы сиҭааит, мамзар, аус дасҭоит ҳәа.
Џьарнас акәытқәа изанын, аха ҩышә изҭодаз, мап икит.
Очамчыра итәаз аӡбаҩи Мысҭафи еибадыруазаарын,
иааицәажәан, ҩышә кәты Мысҭаф иоуратәы, убри ахьтә
аб­жа ҵараны иара аӡбаҩ иго иҟаларатәы, аусқәа шьҭыр­
хит. Аха, ари Џьарнас акры идыруама, ас ҟалап ҳәа игәгьы
иаа­нагома.
Рацәак мырҵыкәа Џьарнас аӡбарҭахь иԥхьан, иусқәа
зеиԥшраз, иқәыз ауал заҟа анаӡын ҟанаҵаз, ишшәатәу
уҳәа зегьы иарҳәеит.
Џьарнас иҟаиҵара изымдыруа дхынҳәит. Ихы кны
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3683
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2262
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3647
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3613
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2215
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3759
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2132
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2356
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3624
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3581
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2231
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3571
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2337
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3713
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3623
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2146
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3575
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2293
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2391
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3723
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2236
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2323
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3663
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3428
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1451
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2515
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3728
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 422