Latin

Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20

Süzlärneñ gomumi sanı 3771
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2323
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
иахьлакәқәам рацәоушәа збоит, шәӡырҩла:
– Ажәытәӡан, уи шәаҳахьеит, Аԥсны ага инаркны
ашь­ханӡа убас ауаа рацәаҩны еиланхон, ацыгәқәа аҩн­
қәа рхыбрала мацара мартаз ианеишьҭаз ашьха икеибацон. Ас ауаа рацәаҩны еиланхо изныкымкәангьы иҟа­

лахьеит. Изхысҳәаауа, убасҟан ҳашьхақәа иаҳа илаҟәын,
амшынӡгьы уажәеиԥш иҵааӡамызт. Агаҿаҟны акаршәра
ду ыҟан, Аԥсны Аҟьаҟьа ҳәа изышьҭаз. Усҟан амшын наҟ
акыр инаскьаган, уажәеиԥшгьы иҵауламызт. Аԥсын­
гьы тәыла дуун, уажәаасҭа акырӡа еиҳан. Абас ишыҟаз,
ҳажәҩан аҟны Амза ааны икыдлеит. Уанӡа Амза зыхьӡыз
уаҩгьы издырамызт. Уи анкыдла, амшын хыҵын, Аԥс­
ны Аҟьаҟьа агеит, иааз Амзагьы калаҭк иаҟараны, иҩе­
жьны, игьагьаӡа, икыдын, инавалон, аха иҭашәомызт, еи­
ҭахалон... Абри аныҟалашаз аамҭаз Аԥсны дынхон аԥсҳа
Ҳаиҭ. Уи иаҳҭынра Ԥсҳәы Ҳаҭ ашьхаҿы иҟан. Усҟан уа
уажәеиԥш ишьхарамызт, иаҳа илаҟәыран. Изҭах уажә са­
ра иабаздыруеи, аха аԥсҳа Ҳаиҭ иман ахьы шьабысҭа-цәа.
Уи хәыцс иаақәыз зегьы ашәа рҳәон, аки-аки еиԥшым­кәа.
Абриадагьы хәыццыԥхьаӡа аԥсҳа дзыҳәоз акака анаг­
ӡара рылшон. Аха ианынарыгӡалак ашьҭахь, ашьабсҭаацәа иалшәаны икашәон, иӡуан. Усҟантәи аамҭазы амшын, ишшәасҳәахьоу, наҟ инаскьаган, аха ӡыбжьахала­
ны, иҭшәаӡаны Ԥсҳәы Ҳаҭ ашьапанынӡа инеиуан. Ҳаиҭ
иахь ирацәаны икылсуа иалагеит ажәларгьы, зегьы акака ирыҳәон, иара аԥсҳагьы қьиак, хшыҩҭрак иакәзаа­
рын, дрыцхраауан ижәлар, изыҳәоз мап икуамызт. Ихаҭа
илымшоз, хьтәы шьабысҭа-цәала иҟаиҵон. Ацәагьы акака хәыц есааира иалшәшәон.
Аамҭа цон. Ус ишнеиуаз, ахьы шьабсҭа-цәа аҟны хәыц
заҵәык ада ыҟамкәа иаанхеит. Ажәлар ракәзар, ишнеиц
инеиуан, ацхыраара рҭахын.
Даара дхәыцит Ҳаиҭ, аха имч мхозшәа аниба, аҵыхә­
тәантәи ахәыц даҳәеит, абригь-абригь абас иҟалааит
ҳәа, ахәыцгьы налшәан иӡит. Иаргьы ажәлар еизиган,
иааирӡырҩын, иреиҳәеит идунеи шиԥсахуаз, дшыԥсуаз,
аха иԥсы амшын аҟны тәарҭас ишаиуаз, ижәлар шиха­
мышҭуа, арыцҳара иацәихьчаратәы дшыҟало. Абриазы амшын хыҵраны ма адгьылҵысра бааԥсы ҟалараны
ианыҟоу, иара дцәышкәакәаханы ма дкамбашь шкәа­
кәаханы аҟәараҿы амшын дҭыҵуа ауаа ихы дирбауа дша-

лаго. Шьоукгьы ддоумбеи шкәакәаханы рҳәон. Ус акәым­
кәа аибашьра ҟалозар, дҽыхәаханы амшын дыш­ҭыҵуа.
Абригь иҳәеит, аԥсҳа Ҳаиҭгьы дыԥсит.
Иҵит быжьшықәса. Ҽнак зны ацә шкәакәа амшын
иҭыҵуаны аҟәараҿы хәыҷык ибеит. Хаха-хымш ааҵ­
уаны, арыцҳара ду ҟалеит – амшын Аԥсны Аҟьаҟьа зегьы
агеит, ашьхара иаҿаҵәеит, шьоукгьы амшын амца акит
рҳәон, Ҳаиҭ иаҳҭынрагьы азнык азы аӡы ҩахыҵәеит.
Усҟан инхаз зегь реиҳа иҳаракыз ахәқәеи Ерцахәи роуп.
Егьырҭ зегь нҵәеит, избанӡар ахәыҷ ииҳәаз агәра рымгеит. Убасҟаноуп раԥхьаӡа иааны Амза ажәҩан ианкыдла, уажәтәи аасҭа акыр еиҳан, иаҳа иааигәаны икыдын,
иагьҭашәомызт. Амза нҭалан, иҩавалан иҩеицыԥхьаӡа,
амшын жәылон. Абас акраамҭа иҟан. Агаҿа зегь қьабҭа­
хеит, бааррахеит, ауаҩы дызфоз агыгшәыг, агәылшьап­қәа,
аҳәыдқәа ықәнагалт, ҵлакы иаҟараз аҭырас дуқәа гылт.
Абас ишыҟаз, аамҭа кыр ҵит, нас Нарҭаа ангыла, амшынгьы еиқәтәахьан, ҵаҟа илбааны уаҩ дызфоз ндыр­ҵәеит,
абааррақәагь кыр дырбеит Ҟәбина инаркны Рҩанеи Дардынеи иахьрыбжьанакыз. Абас шакәызгьы, агаҟа ил­
баауамызт, еиҭахыҵыр ҳагоит ҳәа. Ашьҭахь акыраамҭа
ан­ҵоуп агаҟа еиҭалбаауа ианалага. Абриоуп сара аԥсҳа
Ҳаиҭ изкны исаҳахьоу. Ус сзеиҭеиҳәеит сабду иаб, зыԥса­
ҭа бзиахаша, Рашьыф, – иҳәан, иажәабжь даалгеит Чаҵә
Чагә.
– Уажә сара сзызҵаауа уиоуп, – иҳәан, даацәажәеит
Раџьаԥ, – Џьгьардагьы ирҳәоит Ҳаиҭ иӡбахә. Уигьы амшын аҟноуп дахьыҟоу, аха ауаа згауа, инызкылауа иакә­ны
ауп дшаадыруа, уи шԥаҟалеи?
– Уи саргьы акыр сазхәыцхьеит, Раџьаԥ, – иҳәеит Чагә.
– Умбои, амбатәӡа ҵхьеит. Аамҭа цацыԥхьаӡа, Ҳаиҭ ихьӡ
абзиара аҟынтәи ацәгьара иадыркыло иалагеит, избан­
зар иара ицәырҵра арыцҳара, агәаҟра аанагоит. Уиоуп
уа­жәы уи амшын аҵахь ауаа кны изгауа иакәны дзырыԥ­
хьаӡо. Амшын хыҵыр, ауаа ахьаго иахылҵыз акәзар ҟа­
лап. Са сшазхәыцуа абасоуп.

– Ишыҟоугьы убасоуп, – иҳәеит Раџьаԥгьы. – Иахьа
ҳа­жәа иалоу «Ҳаиҭ», «Иахәа» уҳәа убарҭ ажәытә ажәақәа,
анкьаӡатәи ма аԥсҳацәа, мамзаргьы анцәахәқәа рыхьӡ­
қәа рҟынтә иаауеит ҳәа уазхәыцыртә иҟоуп. Ус акәӡами,
Мысҭаабе?
– Усоуп... Иахьатәи шәцәажәара уаҩ кыр дархәыц­
уеит... Аԥсны макьанагь иамоуп ажәабжьҳәаҩ ҟәыӷақәа.
Чагә, абри иҳауҳәаз ажәабжь азныказ алакә иеиԥшшәа
унарбоит, аха цқьа иазхәыцуа изы акырџьара иахьиашоу
ыҟоуп. Ажәытәуаа ус рҳәон Мрагылареи Мраҭашәареи
аӡы-мшын, аӡымҩа ду рыбжьдан, уи Ҳакавказ иқәсуан
ҳәа. Ажәакала, Аԥсны, аҳаракырақәа ԥыҭ-ҷыҭк рыда, из­
ныкымкәаны аӡы ықәлахьеит, – иҳәеит Мысҭаабе.
– Уи ус ауакәхым, – днақәшаҳаҭхеит Чагәгьы. – Тҟәарчал
Начхьоу азааигәара лгәыгә хәыҷык Ашхәаҿаҳәарҭа ҳәа
иашьҭоуп. Абраҟа адгьыл иҵыҳәҳәо аббакьан, нажәхаҳә
шәпа гылоуп. Изларҳәо ала, ажәытәӡан абра аӷбақәа анӡ­
хгылалак иадҿарҳәалон. Иахьа убра инаркны амшын
аҟын­ӡа ҩынҩажәа километр иреиҵам.
– Убри аҩыза ахаҳә-кьан, Аӷбаҿаҳәарҭа ҳәа хьӡыс иаманы, Ԥанаҩ ашьхара Быскьал иҟоуп, – Кәыдры иацәы­
харамкәа, – иҳәеит Раџьаԥ. – Ԥанаҩ ахьӡ ахаҭа иҳанаҳәо,
сара сахьазхәыцуа, аӡы ахьынӡаҩеиуаз ҳәоуп, аҟәара,
аҿықә ҳәоуп, ажәытә ԥсуа бызшәала уахәаԥшуазар. Аха
ԥанаҩтәи Аӷбаҿаҳәарҭа еиҳа иҳаракуп тҟәарчалтәи аас­
ҭа. Ус анакәха, арҭ ахьӡқәа ирҳәо Аԥсны ҩынтә амшын
ықәҭәахьеит ҳәа акәӡами? Иҟалап руак Амза аара иах­
ҟьа­заргьы, мамзаргьы адгьыл чуеит, иҩеиуеит. Аԥан аҩ
акәзаргьы ҟалоит.
– Иара ус уахәаԥшыргьы, Аԥсны аӡы иадҳәалоу ад­
гьыл хьыӡқәа даара ирацәоуп, – иназгәеиҭеит Чагә.
– Чагә, иуҳәаз иацсҵарц сҭахуп даҽакгьы, – иҳәеит
Мысҭаабе. – Иара ҳ-Аԥсны ахаҭагьы ахьӡ, аԥсы егьи
ҳҳәоит, аха аӡгьы иахылҿиаауеит. Уи ажәытә хьӡқәа: Абзны, Абсны, Амсны, Амжьны, Аԥшьны... зегь ирҳәоу акоуп: аӡы атәыла, аӡҿықә аҟны иҟоу, амшын иаҽԥну атәы­

ла ҳәоуп. Иара амшын ҳәа зыӡбахә сҳәаз акәзар, убригьы
ажәытә ԥсышәала ахьӡқәа акымкәа-ҩбамкәа иамоуп:
гажәажә, зӷәажәажә, габзажә, сӷәажәажә, мшшыннажә,
шшыжә, жәжәыжә, мсынажә, нсынажә, ппыжәажә уҳәа.
Ӷәаӷәа – аду, адуӡӡа ма аҟьаҟьа, аӡҟьаҟьа ауп, аӡышшара
ду, аӡкаршәра ду ҳәоуп. Иахьа «зӷәа», «зӷва», «зӷвав» ҳәа
ақырҭцәеи, агырцәеи, ашәанцәеи ирҳәауа амшын ахьӡ
ззӷәуажә аҟынтә ауп.
– Убри ануҳәа, Гыртәылантәи иааны ԥсыуа ԥҳәысеи­
бак илхатәаз ҳгәылак излеиҳәоз ала, ажәытәан урҭ амшын «бзӷәа» «бзӷваԥс» ҳәа иашьҭан. Даҽа ӡиас дукгьы
убас хьӡыс ирзаман, арҭ шапсышәаз ихаҭагьы иҳәон, –
иҳәеит Ӷәадантә иҟаз Ашәба Кьамӷәаӷәагьы.
– Ақырҭшәаҿ амшын ахатәыхьӡ амаӡам, уи аԥсшәа­
ҟнытә игоуп, – нациҵеит Дырмит. – Ажәытәӡатәи аҵа­
рауаа Амшын Еиқәа Ашәуа Мшын, Абаза Мшын ҳәа азыз­
ҳәозгьы ыҟан.
– Ҳамшын ааигәа-сигәа инхо егьырҭ ажәларқәа уи
ишԥашьҭоу, издыруада «амшын» аџьам бызшәа аҟынтә
иаа­уазар, Мысҭаабе? – дҵааит Кәыҵныи Абыџ.
– Мап, – иҳәеит Мысҭаабе, – аџьамцәа уи ахшаина ҳәа
иашьҭоуп, аҭырқәцәа дениз ҳәа, абырзенцәа ҭеос, аксенос ҳәа, арабцәа баҳр рҳәоит...
– Амшын аҟынтә ауп ишаауа Уачамчыра егьи ажәытә
хьӡгьы, Ага, Гана ҳәа иахьанӡа иааӡаз. Ажәытә бырзен
ҵарауаа Гаенос, Гиуенос ҳәа акәын уи ашәҟәы иша­ныр­
ҵоз. Абри аԥхьатәи г – ҳә ма ҳ акәзар ҟалап. Уачамчыра
ахаҭа ахьӡ ачам-шы аҟынтә иаауеит. Ари, уарлашәарла
акәымзар, ианыӡаахьоу чамҳажәлоуп. Анкьа Ачам­шыра,
Ачамчыра ҳәа акәын ишырҳәоз, иаанагозгьы ачамш дуқәа
еилачны иахьгылоу ауп. Уачамчыра, аар­ла исгәалашәоит,
агаҿаҿы, ачамш дуқәа гылан. Уажә иаба­ҟоу, амшын иагахьеит, – иҳәеит Омар. – Уачамчыра Лоуны, Лауны ҳәа
ианашьҭазгьы ыҟан. Уи адә ду акәын, амшын иагахьеит,
алакациақәагь гылан рҳәон. Ари аԥсуа-ашәыла ҽакгьы
аҳәоит аха.

– Уачамчыра аҩада-мраҭашәарахь, уажәы амшын
бжьа­­халан иахьыҟоу иацәыхарамкәа Ачамшжыра ҳәа
иашьҭан. Изларҳәауала, аӷбақәа рыҟаҵаразы ачамшқәа
ырмазеины аԥслымӡ аҟны иржуан. Абри ашьҭахь урҭ
ахаҳә еиԥш иӷәӷәахон. Мықә аӡиас амшын иахьалало
дгьыл бжьаха хәыҷык ыҟоуп, иагьхәыҷцәамкәа, убраҟа­
гьы ачамшжыра ахьӡын. Уачамчыра аԥхьа амаӡашәар
амоуп, уи ажәытә Уачамчыра аҭыԥ иунарбоит. Аӡиқәагьы
ҽа хьӡыкгьы аман рымҳәози... – нациҵеит Чагә.
– Аԥсуаа-адыӷаа ҳбызшәаҿы аӡы ҩышә рҟынӡа хьӡы
амоуп. Иоуцәахаргьы, иахьынӡасгәалашәо акакала еи­
қәы­с­ԥхьаӡоит, акалашәа иҟоуп азы шәаргьы ишәаҳап:
ӡы, ыӡ, ӡа, ӡеи, ӡыу, ӡыи, ӡаи; ры, ыр, ра, риа, рҩа, рҩы,
рыҩ; бсы, бса, бсу, бсеи, бсыи, бсоу, бсау, бас, быс, баса,
быса, басы, бысы; бзы, бза, бзаи, бзу, бзеи, бзыи, бзау,
баз, быз, ыбз, база, быза, базы, бызы; бшьы, бшьа,
бшьыи, бшьу, бшьеи, бшьаи, бшьоу, бшьау, башь, бышь,
ыбшь, башьа, бышьа, башьы, бышьы; бжьы, бжьа, бжьу,
бжьыи, бжьаи, бжьоу, бжьау, бажь, быжь, ыбжь, бажьа,
быжьа, бажьы, быжьы; ԥшьы, ԥшьа, ԥшьу, ԥшьеи, ԥшьаи,
ԥшьыи, ԥшьоу, ԥшьау, ԥашь, ԥышь, ыԥшь, ԥашьа, ԥышьа,
ԥашьы, ԥышьы; ԥжьы, ԥжьа, ԥжьу, ԥжьыи, ԥжьоу, ԥжьау,
ԥжьаи, ԥажь, ԥыжь, ыԥжь, ԥажьа, ԥыжьа, ԥажьы, ԥыжьы;
ԥсы, ԥса, ԥсаи, ԥсу, ԥсеи, ԥсыи, ԥсоу, ԥсау, ԥас, ԥыс, ыԥс,
ԥаса, ԥыса, ԥасы, ԥысы; ԥзы, ԥза, ԥзаи, ԥзу, ԥзеи, ԥзыи,
ԥзоу, ԥзау...; мсы, мса, мсаи, мсу, мсеи, мсыи, мсоу,
мсау, мас, мыс, ымс, маса, мыса, масы, мысы; мшьы,
мшьа, мшьу, мшьеи, мшьа, мшьоу, мшьау, машь, мышь,
ымшь, машьа, мышьа, машьы, мышьы; мӡы, мӡа, мӡаи,
мӡу, мӡеи, мӡыи, мӡоу, мӡау, маӡ, мыӡ, ымӡ, маӡа, мыӡа,
маӡы, мыӡы; кәы, кәа, кәкәа, кәкәы, кәкәоу, кәкәеи; сы,
сс; жәы, жәжә; шь, шьшь; ффы, шшы, хьхьы, хәхәы...
Убас иҵегь. Ара иахьаманакуагьы убап... Арҭ ахьӡқәа
ҩба-хԥаны ианеимҿаԥахогьы ыҟоуп... Ажәытәӡан аԥсуадыӷаа 140 цәажәашьа рыман, еилибакаауа, аха инеивысааивысуа, убриаҟара ирацәаҩын, ҩынхыбра мацарала

ацыгәқәа хәажәкыраз ашьха ианкеибацоз аамҭаз... –
иҳәеит Мысҭаабе.
– Иамазкуа дҟаларгьы, сара суқәшаҳаҭуп, – иҳәеит
Дыр­мит. Нас саб ихы наиқәикын: – Уажә аӡқәа ҳан­ры­­
лацәажәах, Шьааб, ара шәқыҭаҿы Мҭкәара зыхьӡу ӡиас
хәыҷык узааигәа иҟоуп. Уи иаҳәоугьы амаҭ ркәара ҳәоуп.
Абас ахьӡуп Қарҭ иалсны ицогьы, уи Кәыра ҳәагьы иашь­
ҭоуп, Кәыражә акәын. Кәрыжәа акәзаргьы ҳәа сыҟоуп.
– Уа уиашоуп, Дырмит, – днақәшаҳаҭхеит сабгьы, – ҳкәа­
ра амаҭ рацәаны иамоуп, аиҳарак аиқәаҵәақәа, Мҭкәа­ра
захьӡугьы убриоуп. Қьабҭакәара, Ққдеикәара, Жәжәкәа­
ра ҳәа убас ахьӡқәагь амоуп. Иара ԥхынгьы-ӡынгьы иаз­
ҟәандашәа иҟоуп. Урҭ изалырхызгьы уиакәхап.
– Изхысҳәааз уиоуп, – инациҵеит Дырмит, – аӡы иад­
ҳәало аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа Қырҭтәыла шәкыла уаҩы иԥы­
лоит. Уи џьашьатәӡам, избанзар ажәытәан Қырҭтәыла
зегьы Аԥсны ианаҵанакуаз ыҟан. Иахьагьы уаҟа иу­
ԥылоит аӡы адагьы амцеи ахаҳәи ирыдҳәалоу аԥсуа ҭыԥ­
хьӡқәа маҷымкәа... Агара ҳәа ҭыԥк ыҟоуп, уаннеилак,
мра­ҭашәарахь ала қыҭа дук Хашури ҳәа иашьҭоуп. Уи
аԥсуа­жәоуп, иаанагогьы аҳашра ауп. Уа инхо абырг­цәа
аӡәык-ҩыџьак иахьанӡагьы Ҳашра ҳәоуп ари ахьӡ шыр­
ҳәо. Аԥсышәала – Ҳашра. Аҳаш ахьыҵырхуаз ажәытә­тәи
аҭыԥ иахьагьы убра уаҩы ибоит. Ари Ҳашраг(г)а, ҳәагьы
иашьҭан, амшынгьы зны иқәын.
– Убра аказы суазҵаауан, Мысҭаабе, абри ахьӡ аҵы­
хәала, – иҳәеит саб. – Аха убранӡа иҳәатәны исыԥхьаӡоит
даҽакы. Кәдырҭа Аԥсҳеибааш ҳәа зыӡбахә рҳәоз атәы усгьы ишәаҳахьазар акәхап. Уи Ҵабал омак иацәыхарам­
кәа Нхыҵ Ҭебырдаҟа узгоз ажәытә Аԥсуа Мҩа – Ар рым­
ҩеи иареи рацәаӡак еицәыхарамкәа иҟан. Уи ашьҭамҭа
ҳәа иахьанӡа акгьы зымааит. Ажәытә ажәлар рҟны ус
рҳәон абри абаа иажәытәӡатәин, омакгьы идумызт, Аԥ­
сны уаҩ иԥымлоз аҳаш иалхны иҟаҵан ҳәа, аҳаш-мақьа­
ԥсыс. Изыргылаз аԥсҳа аҳаш мшынгәыла иааигеит ҳәа­
гьы ус ацырҵон ианцәажәоз. Ҽнак абри абаа ахьыҟаз

снеин даара сеимдеит, изладыргылаз аҳаш ахьыҵыр­
хыз џьара избозар ҳәа. Аха ус акгьы сымбеит, ԥсыӡк
абаҩ хаҳәханы изыншәылан иҟаз ҳаш хәыҷык ада. Ари
аныз­ба, абра анкьа аӡы шықәлахьазгьы мҩашьараҳда
агә­ра згеит. Уи Башкаԥсаранӡагьы иҩеиуан, избанзар
Баш­каԥсара храқәак рҟны усҟан иҭатәаз аӡы аҿықә ацә­
қәырԥақәа иҭыфаан рышьҭа анырҵан, иахьанӡагь ирнуп... Изларҳәо ала, аҵыхәтәан аԥсҳацәа руаӡәк абаа ир­
бган Ԥсырҭах64, Ҳанаҟәапеи иганы иқәиргылт, Аԥсархәы
ҳәа усгьы зыхьӡыз ашьхаҿы. Убрантәи амшынҿықә зегь
унапсыргәыҵа ианушәа иубон рҳәон. Сыззааирц исҭаху,
– инациҵеит саб, – Аԥсҳеибааш ахаҳәмаҭәахә Ҳаш­ран­
тәи мшынла иааргазар ҳәа уаҩы иақәиҵартә избоит,
угәы ишԥаанагои, Мысҭаабе? Ажәытәан Ахаӡажәжәи
Ашәыжәжәи65 анеимадаз.
– Ус ақәуҵаргьы ҟалоит, – иҳәеит Мысҭаабе. – Аиаша
аиаша анакәха, ажәытәӡатә аԥсуа ҭыԥхьӡқәа убриаҟа­ра
рхыҵуеит, абарҭ адунеи иақәлоуп рзуҳәартә аҟынӡа. Убас
иҟақәоу иреиуоуп, хара ҳамцаргьы, шәқыҭа аҩадахьҟа
Ԥанаҩ ашьапаны зегь ижәдыруа аҳәҭа, аԥсҭагәаҩа Мцҳәҭа.
Абри еиԥшу ахьӡ Ԥанаҩ нхыҵгьы иҟоуп. Ажәытәӡан
абас еиԥш иҟаз аҳәҭақәа рҟны амцабз ыҵхәраан игылон, аӡыршқәа, аӡырԥхақәа аман. Урҭ хәшәын, изжәуаз,
изқәыҭәоз дыбзиахон. Убри аҟынтә арҭ аҭыԥқәа ԥшьарҭа
ҭыԥны, аԥеҳамбар ихәарҭаны убас иахәаԥшуан. Аныҳәаҩ
даман, ажәлар иреизарҭан. Ус ишааиуаз, амцақәа ыҵ­
цәааит, аӡыршқәа хьшәашәеит, ихьшәашәаз такәгьы аара
иаҟәыҵит, убриаҟара аамҭа ду ҵит. Зқьы ракәу жәанызқь
ракәу здырхуада. Аха арҭ аҭыԥқәа рыԥсуа хьыӡқәа нхеит.
Абри ззымдыруа, абарҭ абас зрыхьӡузеи ҳәа уаҩы иџьеи­
шьартә иҟоуп. Мцҳәҭа захьӡу аҭыԥ Қырҭтәылагьы иҟоуп,
Ахаӡ(ӡ)ажәжә – Каспитәи амшын, Ашә(шә)ы жәжә – Амшын
Еиқәа. Шә роуны изҳәозгьы ыҟан, аԥша, атыҩша ҳәа ицәажәарагь
алшон.Ԥсырҭах – Ҳанаҟәапеи ашьхоуп, ԥсырҭаха – ԥсыр Аҟармара
ҳәа ицәажәоит, уи аԥсҭа ахахьтәи қыҭан.
Қарҭ омак иацәыхарамкәа, амрагыларахь. Уи ан­кьа иара
иаҳҭынран. Уара узҿу аамҭаз Ҳашра дгьылбжьаханы, ма
дгьылбжьахаланы, аҳаш убра иҵхны мшынгәы­ла абрахь
иааргауа иҟазаргь алшон. Шьааб, уара узҵаара аҭак
ииашаҵәҟьан иҟазҵараны иҟоу аамҭоуп, уи зегь еилнаргоит, ишеиланарҩынтуа еиԥш. Анцәа иаҳзыбзиеитә­роуп,
убриоуп. Егьирахь, иацсҵарц исҭаху, убас еиԥш иҟаз
аҳашырҭа, аҳашрҟәара Аԥсны усҟаназ аӡы ахьықәмыз,
иаҳа иахьааигәарҭаныз џьара иҟазаргь ҟалон.
– Убра акы исҳәарц исҭаху, Шьааб, – иҳәеит Кәыҵныи
Абыџь, – ара Мцыҳәҭа уажәы атыҩшаӡ ахьыҵыҵуа абахә
аҳәҭаҿы ажәытәӡан амцабз ҭыҵуан, иара аӡгьы шын
рҳәон, аабыкьанӡагь аӡгьы ԥхан ҳәа рҳәо саҳахьеит.
Убасҟан иҵыҵуаз амцабз уажә аӡы ахьаауа иахагылоу
абахә ашьапы аҭаҩаҿара аиҳарак зегь аблын, еиқәаҵәа­ӡа
иахьагьы ашьҭа убоит. Изхысҳәаауа, абри шжәытәӡа­тәиу
арҩашьом. Убас еиԥш иҟоу ажәытәӡатәи, сара издыруа,
аҭыԥхьӡқәа Аԥсны иагьмаҷым, – Аԥан Рыԥсҭа, Аԥан Ргы­
ларҭа, Агәылшьапқәа Ргәаҩара, Абнауаҩ Итәарҭа, Адоу­
цәа Зҭаз, Адоу Дахьыршьыз, Адоу Дахьжу уҳәа реиԥш
иҟоу.
– Ажәытә ԥсҳа ус игәы иаанамго дыҟамызт, убри
аҩыза аҳаш иалхны абааш иргылар, адоуҳа амоуп, иа­
ӷацәа аӡәгьы изгарым ҳәа. Абаақәа ракәым, аҳаш иал­
хны иԥшьаз ҳәа ирԥхьаӡоз акәарақәагь ацҳақәа рхыр­
ҵон, изласаҳахьоу ала, – иҳәеит саб. – Абас еиԥш иҟаз
ац­ҳа днықәгылан Анцәа иҳәаз, ииҳәаз наӡоит ҳәа иазыр­
ԥхьаӡон. Иара уажәгьы ус згәы иаанаго ыҟоуп. Усҟантәи
аамҭазы иԥшьаз аӡиасқәа Аԥсны имаҷмызт.
– Убас иҟоу аӡиасқәа ԥшьба рыӡбахә рҳәоны иса­
ҳахьеит, – иназгәеиҭеит, Дырмит. – Ҳабсы, Ҭоумышь,
Дӷамшь, Рыҭҳа. Урҭ иҵегь ыҟоуп аха. Аԥсуа-адыгьқәа
рҟны ҭҳа, ҭҳе зыхьӡу иреиҳабӡоу, идуӡӡоу – адыгьқәа рҟны
Анцәа – роуп. Ажәытәан арҭ ажәақәа аформа рацәа рыман, иуҳәозар: ҭҳа, ҭҳаи (ҭаи), ҭҳау, ҭҳы, ҭҳоу; дҳа (дӷәа),
дҳаи, дҳы, дҳоу; ҭаҳ, даҳ; аҳ, ҳа, ҳ. Изхысҳәаауа, абарҭ

рҟынтә иаауа аԥсуа жәытә ҭыԥхьыӡқәагьы рацәоуп, Аԥс­
ны анҭыҵгьы. Шьами, Мсыри, Чынди, Ҳәынди, Ҭҳаии ир­
заарыгӡа. Ари ус машәыршақә иҟалаз, еиқәшәаз ак ракә­
харушь?.. – Мысҭаабе ихы наиқәикит Дырмит.
– Зны Баскатәылантә иааз ҵарауаҩыки сареи ҳаиқә­
шәеит. Абаск бызшәа ашәуеи аубыхә бызшәеи убас ир­
зааигәоуп, даара иџьасшьеит. Ажәақәа, аиҳарак ажәытә­
тәиқәа, реилкаара џьабаак аҭахымызт. Баскатәыла, Аԥс­
ны еиԥш, амшын иаҽԥнуп, Мраҭашәарахь ауп... Уара узҿу
ус машәыршәа иҟаломызт. Аԥсуа дахьнанамгац дгьыл
ыҟам, Адгьыл Аҵагьы зны инхон ҳәа рымҳәозиз... Убас
сгәы иаанагоит, абри Кәыдры аԥсҭа, уи ашьхақәа уҳәа,
макьана иаҳзымдыруа амаӡа дуқәа рымоуп, рыҵоуп ҳәа,
макьана иаҳзымдыруа ажәытә аҳцәа дуқәа, аԥсҳацәа
рыхьӡқәа цәырнагоит ҳәа. Иара Аԥсны зегь ахаҭагьы убасоуп ишыҟоу. Кәыдры аԥсҭаҿы шьхакы Каур, Мынҟаур,
Мнеиҟаур ҳәа иашьҭоуп. Мынҟаур ихьӡын ажәытә Мсыр
аҭаҳцәа дуқәа руаӡәк... Мсыр, ма Мыср, Шьам, Мсыраԥшь,
Шәду уҳәа ажәытәӡатәи раҳцәа дуқәа рыхьӡқәа, иуҳәо­
зар, Мына, Хәыфы, Ҳафра, Лабарна, Мыта, Гәдеиа, Рашьыф, Шьаргәан реиԥш иҟоу иааџьоушьаратә аԥсуа
хьыӡқәа иреиԥшуп, – назгәеиҭеит Мысҭаабе.
– Ҳашьхақәа ануҳәа, аиашаз, урҭ иагьа маӡа рыҵа­
ҵәахны ирымоуп, – иҳәан, даацәажәеит Чагәгьы.– Убас,
Аҳалӡга ахахьы ашьхарахь бахәык ыҟоуп, хышә раҟара
метра иҳаракны, ҩышәҟа метра реиҳа иҭбаамкәа. Азганк цәҳәуп, аха лабашьадагьы ухалоит. Убри аганахьшәа
аҵәца ашьапы инаҟараны агьежьқәа ҭаԥҟаны иануп,
ԥшьба-хәба мацәа нҭашәо. Аха зегь реиҳа иџьоушьаша,
цәаҳәа-цәаҳәа, ашәҟәы ианушәоуп ишыҟоу, кьаҿқәакгьы
налаԥсаны. Аган зегьы ашьанҵа аасҭагьы иӷәӷәоуп, на­
пыла ус уаҩы изанҵомызт ҳәа сыҟоуп. Иану даара кра­­
х­ыҵ­уеит, џьара-џьара ашыцламшә ақәиаауп, арахь иацы
ианырҵазшәа иҟоуп. Сахьахәаԥшуа, адыд-ма­цәыс акәзар
ҟалап иҟазҵаз, мамзаргьы Шьашәуп ма Шьашәыблоуп.
Аха ашәҟәы иану ацәаҳәақәа реиԥш изыҟалазеи?!

– Урҭ узҿу агьежьқәа рызегь еиҟароума, Чагә?! – иҳәан,
дҵааит Мысҭаабе.
– Иреиҵақәоугьы ыҟоуп. Аха ианызҵаз дарбану, уб­
риоуп иссирхаз!
– Сахәаԥшыр акәын. Анцәа иҳәозар, атәы здыруа ҵа­
рауаҩ ҟазак даазгароуп...
– Уи даара ибзиахон, – игәы иаахәеит Дырмитгьы.
– Амаӡа дуқәа ахәыҷқәа иреиԥшуп, – иҳәеит Мысҭаабе,
– уахьақәымгәыӷӡо «ҽӡа» ҟаҵаны ихәмаруеит...
– Угәы ишԥаанаго, Мысҭаабе, – дҵааит Дырмит, –
аԥс­уа-адыгьқәа ажәытәан знымзар зны аҩыра рыма­ны
иҟаларызу? Сахьахәаԥшуа, ирымазар акәын.
– Аҩыра шрымаз агәра згоит, – иҳәеит Мысҭаабе. –
Жәашықәсаҟа уажәаԥхьа, Багазкьои ҳәа иахьашьҭоу,
ажәытәӡан Ҳаҭҭышьашә акәын уи иахьӡыз, ижны аԥшаа­
рақәа мҩаԥыргон. Абра ирбеит ажәытәҩырақәа зныз
акыц маҟьақәа рархив, ажәытәӡа Ҳаҭтәыла аҳ ду иаҳҭынра
иатәыз. Уи зыԥшааз аҵарауаҩ излеиҳәоз ала, урҭ акыц
ма­ҟьақәа рахьтә аԥсышәала ицәажәаз ыҟоуп.
– Багазкьоитәи аԥшаахқәа рыӡбахә саргьы исаҳа­
хьеит, – иҳәеит Дырмитгьы. – Аԥсшәаҿы Ҳаҭҭ иадҳәалоу
ажәаԥҟақәа, ажәаҳәақәа ыҟоуп. Иуҳәозар, Ҳаҭҭынтә уааз­
шәа, Ҳаҭҭгәашә еиԥш, Ҳаҭҭгәашә амца акуан, Ҳаҭҭышьашә
уҳәа убас иҵегь.
– Дызусҭада абри еиԥш аԥшаах ыҵызхыз? – дҵааит
Омар.
– Уи Хәыго Винклер ҳәа Алманиатәын, Ҳерманиа­тәын,
ашьҭахь Шлиман ҳәа ижәла шьақәиргылт, – аҭак ны­
ҟеиҵеит Мысҭаабе. – Снеиԥхьан, иркьаҿны ианыз аҩыра
ацыбжьыҟа нбанқәа амаӡашәарбжьыҟақәа бжьаргыло
иангәаҳҭа, «аԥшьа 21» аҳәеит, даҽаџьара Адад, Анцәа,
Хьышьаргәыҵ ҳәа ицәажәеит. Урҭ аҩырақәа шаҟа рхы­ҵ­
уа еилкаам, аха, инықәырԥшшәа, хәба-фба нызқь шықәса
рҟынӡа инаӡоит. Убри аҟынтә уи цқьа еилымкаакәа ус
аҳәара иахымццакит. Рыцҳарас иҟалаз, аиба аҟәараҿы
иқә­хәлеит ҳәа, Хәыго дыԥсит...

– Иԥсра ааны акәу ма даҽакалоу?.. – дҵааит Дырмит.
– Хынҩажәаҟа шықәса ихыҵуан, итәылаҿ дыԥсит... –
иҳәан, Мысҭаабе уаҳа ацимҵеит.
– Убри аԥшаах аҟны хеҭҭатәи ҳәа изышьҭоу акыц ма­
ҟьақәагьы рылоуп рҳәоит, усоума? – дҵааит Дырмит.
– Хеҭҭатәиқәа рацәоуп, аха Хәыго излеиҳәоз ала, урҭ
иаҳа ааскьатәи аамҭа иаҵанакуеит.
– Исаҳақәахьоу рыла, сахьахәаԥшуа, убарҭ хаҭҭатәи
аҩыра зну акыц маҟьақәа ыӡрашәа збоит... Шьоукы-шьоук убри аԥшаах аӡбахә цәырҵыр рҭахым ҳәа рҳәоит...
– Анцәа иумҳәан, аха ус ҟаларгьы алшоит, ус ҟалашьа
амам сызҳәом... – иҳәан, Мысҭаабе уаҳа ацимҵеит.
– Ажәытә ԥсышәала ҳаҭҭа, ҳаҭҭы, ҳаҭҭыны зыхьӡу аҳ­
цәа ртәарҭа, аҳҭны ауп. Абригьы ус баша иақәшәамашь,
Мысҭаабе? – иҳәан, дҵааит Чагә. – Уи адагьы, исгәала­
шәоит, санмаҷыз зны ажәабжьҳәаҩ Мыдлеи Быгба ииҳәоз,
ажәытә аԥсуаа рбираҟқәа руак ҩажәиак гьежьы анын, уи
ахыԥ­хьаӡара ԥшьаны ирыԥхьаӡон ҳәа.
– Усҟан уазымҵааӡеи, Чагә, изеиԥшраз уи ҳәа? – дҵааит
Мысҭаабе.
– Мыдлеи излеиҳәоз ала, ажәҵыс аҵыхәа еиԥш ана­
ӡара ҭаҩаҿаны, мшынгәи жәҩангәи рыԥшшәхәы еимаркуа иҟан.
– Сабду иабгьы убри аҩыза ԥсуа бираҟк аӡбахә иҳәо
саҳахьан. Уи зынаӡара ҿыԥсаз, ихьӡыркны убас зныз би­
раҟ ҟаԥшьын, – иҳәеит сабгьы.
– Абираҟқәа ртәы шәаналацәажәа, – иажәа налеиҵеит
Раџьаԥгьы. – Ажәабжьҳәаҩ дуқәа Ҳаҭқьари Арҩҭааи Са­
баҟеи Арсҭааи изларҳәоз ала, ажәытә аахыс аԥсуаа аби­
раҟқәа акымкәа-ҩбамкәа ирыман. Сабдугьы днарыла­
ҵан урҭ абарҭ рҩызцәа абираҟқәа рыӡбахә раҳахьан:
ажә­­ҵыс аҵыхәа еиԥш иҭаҩаҿаз ҩ-кьак ргылан, даҽак
ры­­ваҵаны изныз, уи ҟаԥшьын; Амра ҟаԥшь гьежь ду
зныз, ихьԥшшәылаз абираҟ; аԥсҳа инапы асахьа зныз
абираҟ ҟаԥшь хыгьежь, уи иаанагоз аԥсҳа инапи имҳәыри
ракәхап; аԥсҳа инапы Ахаззеи зхакны изныз абираҟ;

аџьар зныз, ҵаҟа еимҿаԥан ауаҩ ишьапқәа реиԥш рҳәон,
ауаҩ исахьа иазҳәазаргь ҟаларын; иҟан амзаҿа знызгьы...
Абираҟ аҭҳарчеи, ҳаҭарчеи ҳәагьы азырҳәон.
– Абра уажәраанӡа бираҟк ҩажәиак гьежь анын ҳәа
шәалацәажәон. Аԥсуаа ҳҟны быжьбагьы ажәытә иԥшьа­
ны ирыԥхьаӡон. Аха исҳәарц исҭаху, зыӡбахә шәасҳәоз
ашьха аган аҟны хыхь цәаҳәакны убраҟагьы ҩажәиак
гьежь ануп, – нареиҳәеит Чагәгьы.
– Ажәытә мсыраа рҟны дгьыли жәҩани реимадара
ашьанагьы 21 ануп. Аха урҭ гьежьқәам, еҵәақәоуп. Иҟалап
уара иубаз ма Амра, ма Амза, мамзаргь даҽакы аанаго­зар.
Ус акәу анс акәу, Анцәа иҳәозар, ажәытә мсырқьаад­қәа,
еиуеиԥшым аԥшаахқәа, мышкы мзар мышкы, аԥсуааадыӷақәа ажәытә ҩыра шрымаз арахь ишцәырырго агәра
згоит. Аха уи азы иаҭахуп ԥыла бзиа, аԥсуа-адыӷа иреиуоу аҵарауаа, иара убас егьырҭ, ауаа ҳалалқәагьы ԥыҭҩык.
Аха уажәы аус злоу Аԥсны иқәҵыз, иқәырцаз аԥсуаа,
егьырҭ ҳашьцәагьы, рырхынҳәроуп. Мамзар, Анцәа иум­
ҳәан, 20–30 шықәса ус ианынха, шәара шәыҩны шәара
шәтәымуааны шәҟалар алшоит...
– Шьоукы-шьоук иахьанатә ламысда ауҳәан-сҳәанқәа
рышьҭуеит, аԥсуаа иацоуп Аԥсны иананылаз, уаанӡа еснагь ашьхара иаман ҳәа, – даацәажәеит Самсон. – Ус зҳәо
рыԥсымцқьара абра абри уажәраанӡа ишәҳәоз иаана­
мырԥшӡои? Сразҵаарц сҭахын сара урҭ, убас ҳзызҳәо,
ирыз­ҭада нас аԥсуаа абриаҟара хатә мшын хьӡы? Изырҭ­
баазеи абас аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа рымҽхакы?
– Ҳара иаҳрыцҳарахаз, ҳара ҳаҩны ҳахьмаҷхаз ауп, –
иҳәеит Мысҭаабе. – Иахьылаҟәу, иахьԥсыҽу убра хы­ҵыр­
ҭас иҟарҵоит.
– Аԥсны алахьынҵа Иаҳхылаԥшхәу инапы иануп, –
иҳәеит Дырмит. – Уажәы, шьоукы-шьоук агыруа, ақырҭ
папцәа абрахь иааны, рышьҭыбжь мыргаӡакәа, ҳажә­­
ла­­қәа рыреицакра иаҿуп. Урҭ уиазы мацара арахь иаа­
рышь­ҭызшәоуп ишыҟоу. Аха ҳара, Анами Абами66 ирхыл­
Анами Абами (Адами) – ани аби, Евеи Адами.

ҵыз, иара усгьы иаӷахаз ҳажәлақәа ҳахьчароуп Анцәа
иши­шаз еиԥш, абраҟагь убраҟагь. Ус анакәха, Анцәа ду
илаԥш ҳхызаауеит. Џьара џьнышк, ҩысҭаак иаҳԥырхага­хо
аҟәымҵыргьы, ирыхәҭоу иақәиршәоит. (Ашьҭахь сара еилыскааит Аԥсныҟа иаарышьҭыз апап ԥсымцқьацәа зҿыз
Дырмит ибзиан излеидыруаз ихаҭа апапҵара ахьимаз
шакәыз, Уачамчыра ԥсуа папыс иҟазгьы иараӡәк шиакәыз).
– Ари адунеи ду қьиак дықәӡамкәа иҟалаӡом, – иҳәеит
Мысҭаабе. – Агәра згоит Аиаша шаиааиуа, аԥсуаагь Аԥс­
ныҟа ишыгьежьуа. Ҳарҭ ус ҳқәашьуп: аамҭала Аԥсны амшын ықәлоит, нас аӡы ықәҵуеит. Ҳаргьы ҳахҵәаны ҳцоит,
нас, ианықәҵлак, ҳхынҳәуеит. Абас ҩынтә иҟалахьеит.
Аха, зегь дара роуп, Аԥсни аԥсуеи еицәыӡӡом, Анцәа ҳаз­
шаз ус ақәиҵеит.
– Саргьы убас сгәы иаанагоит. Сагьгәыӷуеит, иагьхас­
ҵоит, – инациҳәеит сабгьы. – Егьи, Амза аара азын сабду Ҭлаԥшьа, акыр еҵәа аԥсышәала рыхьӡ згәалашәоз,
ус иҳәон: «Амза ааит. Идуны, игьежьны, иҩежьӡа, иҭам­
шәаӡо иааигәаны икыдын. Нас, аамҭа мбатә анца, ихәыҷ­
хеит, аҭашәарагьы иалагеит. Изыхәыҷхазгьы – наҟ
ицарц маҷ-маҷ имнаскьо иҟам... Ажәытәӡан ҳамшын
ан­ҭыкә­кәахьазгьы ыҟан. Амца алалан ианбылуазгьы
ҟа­­лахьеит67, Аԥсны аиҳарак ҭарханы. Иҟан жәҩан аҿы
ҩ-мзак анкыдызгьы. Ари адунеиаҿ иҟамлац егьыҟам.
Ҳа­ра, иахьа «ибникыз» иреиԥшхаз, аха жәытәӡан идууз
жәлары ҳрышьҭроуп. Амшын ду ҳақәнахит, Амшын ду­
гьы ҳаиқәнархоит...» – абра саб дҩагылан, дҩары­лаԥ­
шын ус нациҵеит: – Ҳаланагалацәеит, шәааи нас иа­цаҳ­
ҵап... Уажәы, Мысҭаабе, рныҳәаҿа ныскыларц сҭа­хуп
зыԥсадгьыл ныжьны ақәҵра зԥеиԥшхаз зегьы. Иаа Иаҳ­
хы­лаԥшхәу, Анцәа Ду, суҳәоит, рышьҭахьҟа амҩа рзарты,
Рыԥсадгьыл ахь!Аҵыхәтәан аҵарауаа излеилыркааз ала, уажәы амшын
атыҩша газ алачны ахалара иаҿуп. Хыхьӡа ихалар, амца анаркыргьы алшоит, амца хылоит... Иахьагьы амшын амца анакыз ҳәа
ажәытә ирҳәоз згәалашәо аӡәык-ҩыџьак ыҟоуп.

– Уаа, Анцәа, иҳәа!
– Уаа, Анцәа, иҳәа!!
– Уаа, Анцәа, иҳәа!!!
АУАҨЫ АДГЬ Ы Л Д АН Ы ҚӘН АГАЛ А
РАԤХЬАӠА ДАХЬ Ы Н ХАЗ И АЗКУ
АҲӘАМҬА
Ажәытәан ус рҳәон, ауаҩы Адгьыл данықәнагала, раԥ­
хьаӡа Адгьыл-Аҵа, Адгьыл-Аҵан дынхеит ҳәа. Усҟан уа
Аҵан унхартә иҟан. Ари – ҳ-Адгьыл аҟны шәаԥыџьаԥ
ҵла анымгылацыз аамҭаноуп, ҳаскьынран, ҭырасран,
аха идухон, хәдацәанынӡа, уаҩ даалмыҳәҳәо аҟынӡагьы.
Иахьаасҭа амшынқәа рҽыртаӷьаны Адгьыл иқәын, шьамхахьы, маҟҿаҳәара, хәдацәанынӡа еиҳамкәа амҳацә ду­
қәа – жәытәла иуҳәозар, амҳажәқәа рыман, уҭалан кыр
мшы уныҟәазаргьы уаҳа иҵауламкәа уцалартә еиԥш. Адгьыл убригь жәытәла ахьӡ уҳәозар – Каҳ, Каҳә, Каҳа(ҳә)
– иахьаасҭа акыр еиҵаны ихтын, егьирахь усгьы аӡы
ықәын. Ахәқәа рҟны уаҩ дзынхомызт, аԥшацәгьа ықә­
лон, уаҩ дагон, убри аҟнытә аԥсҭагәаҩақәа ирҭанхон.
Мҿыс ирбылуаз арбан уҳәар – ами дуқәа, аққа рққоуқәа
ра­кәын. Ахаҳә рацәа, жәытәла иуҳәозар – аџьаӷмаз
– усҟан уа иҟанамҵацызт… Акәтаӷь Амра инцәуҵар –
иҟәион, иаӡуан… Агәылшьап ажәҩаҩ, аҳәыды, аӷәыды,
амамырџагә рацәан, ҳаскьынла, ҭырасла ичозгьы ыҟан,
амыи зҭиааз аӡқәа, аҭлаҩақәа, амшын мҳажәқәа ирҭазгьы.
Адгьыл амаҟахьы узҩеиуамызт, уҩеиргьы узынхомызт,
уаҟәион, уабылуан – убас Амра ӷәӷәала ишуан. Нас, мба­
тәы анҵоуп уахьгьы иҩеины анхара ауа ианыҟалаз.
Абри зхысҳәаауа уиоуп, жәытәӡан аахыс аԥсуаа, аба­
зақәа (ашәуаагьы ҳҳәоит, ҳаргьы ҳабзақәоуп) мбатәы
рхыргахьеит, мбатәа иахаануп, рҭоурых цқьа ицәыргам
акәымзар… Егьыс ари ҳ-Адгьыл араҟа иаршыз ауаагьы
ыҟоуп… Иахьа абра иқәу мышкы зны, уи анакәха сеидроу,
аха абрахь ҳшааз еиԥш даҽаџьара, даҽа Дгьылк, Дунеик

ашҟа ҳаиасыр акәхоит. Анцәа ҳазшаз иоуп уи амаа зку,
ианакәхогьы здыруа…
Абри аҩыза ажәабжь џьашьахәтә иҳәон еицырдыр­уаз
ажәабжьҳәаҩ ҟаза, аҭоурыхҳәаҩ ду Ашәы Ҳабыџь, ис­
цәымҩашьозар, 1895 шықәсазы, Џьгьарда ақыҭан, Ашәы
Шәарах Арышԥҳа данааига ичараан, – иҳәон, абас еиԥш
иҟаз ажәытә жәабжь џьашьахәтә наҳзеиҭеиҳәеит Чаҵә
Чагә, нас иагьнациҵеит: – Иахьагьы сгәы иалоуп усҟан
Ҳабыџь сахьиазымҵааз аҵанцәа ҳәа иахьа иаадыруа
ракә­харызушь убра инхоз ҳәа. Урҭ рыхьӡ Адгьыл-Аҵа,
Адгьыл-Аҵан, Аҵан68 иаауазар краадыруама, даҽакала
иҟа­лазаргьы ауеит, аха. Абри ашьҭахь Ашәы Ҳабыџь ха­
рак имгакәа иԥсҭазаара далҵит, саргьы уаҳа сабаиазҵаа­
уаз… Ажәытәуаа шьоук ус зҳәоз ыҟан аҵанцәа Аԥснгьы
иа­нынхоз ыҟан, аха егьи Аҿықәан инхон ҳәа, аха уи
ахьыкәу, иарбан ҿықәу сеидроу… Ҳатла (Ҳаҭла зҳәозгьы
ыҟан) аҿықәан инхон ҳәа абасгьы зҳәоз дыҟан… Егьыс,
уахәаԥшыр, дара уаахәыҷқәамыз, жәытәла, аԥсуа-ашә­
уала – аҵҵан, аҵәҵәан – икьаҿқәан ҳәоуп иаҳәо, аҭы­
расқәа ирықәлан икарымҿоз. Аха, жәытәла, убригь аҭ­
ҳырас акәын, Азанҭҳа Азанҭа ҳәа ишыҟалаз еиԥш ҳ аӡеит,
ибыжьнаршәеит. Урҭ злацәажәоз рбызшәа аԥсшәа иазааи­
гәан, аха иара акәмызт ҳәа усгьы ацызҵоз ыҟан… Абамба
сы хаха-хымш иауан, нас амца акын аҵан ықәымӡааи…
– ҳәа абас иажәабжь аахиркәшеит Чагә.
Чаҵә Чагә абри анҳзеиҭеиҳәоз 1926 шықәса хәажәкыра
мза азоуп, Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара, Аԥсны
ахақәиҭра хәышықәсахыҵра аназгәарҭоз аныҳәаз, Аҟәа.
Ашьҭахь, крааҵхьан, абри аҩыза ажәабжь Џьапоу Раҿыс
иҳәамҭан ҳәа иҳәоны саҳаит Џьапоу Франкьал, Ҷлоу ақыҭа
Аимара аҳаблан. Уи даҽакгьы ҳаиҳәеит: Аимареи Ҟадеи
руаџьара ҳәынҭқар дук иҳаҭгәын амадоуп, дамроу ҳакәоу
акы дҭаҵаны, иахьыкәу уаҩгьы изымдыруа имаӡаны
иҟаҵоуп ҳәа. Уи ажәытә Џьамтәыла ашаҳцәа дреиуа68

Адгьыл-Аҵан, Адгьыл-Аҵа, Аҵан – Антарктида акәзароуп.

зар ҟаларын69 ҳәа усгьы ациҵон, убра азааигәа жәытәан
аҳаԥы иҭалан маӡа иааны иҵыҵыз аџьам ири иааны
итәа­хьаз арым-лазқәа рыри реибашьра дугьы ҟалахьеит
ҳәа абасгьы ациҵон… Арымаа, жәытәла лаҭҳынаа, лаҵаа
роуп, аарла иаиааит, аџьамқәа рызегь аққа70 шьрыхьшьыз анырба иџьаршьон рҳәон, измааназ рзымдрит. Са
стәала урҭ аҳаԥы иҭалан иахьаауаз агәылшьапқәа, аҳәыд­
қәа, ажәҩаҩқәа рыжәымларц акәзар ҟалап, аққафҩы урҭ
ацәшәоит, иахьго инеиуам…
Ажәытә ԥсуа-шәуала иуҳәозар, ашаҳ – аҳ лаша, аҳәын­
ҭқар лаша иоуп. Уа, Џьамтәыла, жәытәан шаҳцәас абаза­
қәа, ашәуақәа, иара аԥсуаагьы, антәаз ыҟан, ажәытәра
ҳаламларгьы иара аабыкьанӡагьы, Франкьыл ииҳәаз уажә
сахьахәаԥшуа, дашәуаны (дабазаны) ма даԥсуаны, арантә
уахь иагаз нас дшаҳхазар, сахьиз ма сабацәа рыԥсад­
гьыл ашҟа сганы самажәда ҳәа уасиаҭны инижьзаргьы
ҟалоит, иудыруазеи, жәытәан Џьамтәыла ҳанадызгьы
ыҟамзи… Иара дахьамадоу шьхашьапроуп рҳәоит, аӡә­гьы
изымԥшаацт, ус анеирагьы ҟалом, ишәарҭоуп, уахь уажә
хәажәроуп ҳәа усгьы ацырҵон, хәажәра цәгьоуп ҳәа.
Ажәабжьҳәаҩ иажәа даналга, сара сахьтәаз схәыцуан:
Џьамтәыла аҵыхәтәантәи ашаҳ Рыиза Ԥеҳлеви ишаҳра
дахырхаанӡа, 1960 шықәсақәа рзы дааны Аԥсны ибахьан.
Усҟан Аԥснытәи апартиа Обком актәи амаӡаныҟәгаҩ
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3683
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2262
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3647
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3613
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2215
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3759
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2132
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2356
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3624
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3581
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2231
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3571
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2337
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3713
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3623
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2146
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3575
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2293
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2391
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3723
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2236
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2323
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3663
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3428
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1451
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2515
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3728
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 422