Latin

Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18

Süzlärneñ gomumi sanı 3723
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.

И

ахьатәи Кындыӷ Ҿыц усҟан Аупара ҳәа иашьҭан.
Аџь дуқәа, ауапақәа ршәушәа еихашьшьы амшын
иаԥынчыланы, агаҿа ықәырҭәаа игылан. Убри зегьы Чачаа иртәын, уалакьысыр ҟалозма, ирыхьчон. Аупара аханы иахьа Шәқәырча ҳәа иахьашьҭоу, аӡыхь ҟаимаҭ аман.
Чачаа рӡыхь ҳәа иашьҭан. Ажәытәан уа Чачаа раҳҭны

ыҟан, аԥсҳа убра тәарҭас иман, рҳәоит. Аабыкьанӡагьы
убра инханы иубон ажәытә ҳҭны абаа ԥҽыхақәа54.
Сара санахьӡа араҟа аӡәгьы дынхаӡомызт. Чачаа рхәу­
ра иҭаз алазқәагьы мҳаџьырра ицоз ирыццаз ҟалеит, иаан­
хаз Уарчаҟа ииасын, мҳаџьырра иагаз аԥсуаа рад­гьылқәа
кны анхара иалагахьан. Усҟан, ҽыла иҟаз гаҿа­ла акәын
Аҟәантәи Агаҟа, Уачамчыра Ага ҳәагьы иашьҭан, ишаауаз.
Избан уҳәар, акы аккара илгаз амҩаду ҳәын­ҵәаран, ҩба­
гьы, уахынла агыгшәыг рацәан, хԥагьы, аб­рагьцәа шәарҭан.
Ҽнак, абас гаҿала Арсаулынтә сшаауаз, ӡык снахәап
сгәахәын, Чачаа рӡыхь ашҟа снымҩахыҵит. Уи агаҿа иа­
зааи­гәан.
Аӡы зжәын, ԥыҭкгьы сҽы аԥсы аасыргеит. Нас сыҩ­
ҽыжәлан Аупара шыҟаз сымҩа инацсҵеит.
Ихәлеит, аха, Амза каххаа, агәыр каршәзар иубаратәы
иҟоуп.
Ус сышнеиуаз, дәҳәыԥшны, Чачаа рнышәынҭрақәа ҳәа
иахьашьҭаз снавалеит. Абри аамҭазы сҽы «хыр-р» арган,
алымҳацәқәа ркьакьан ахы иааҩахеит. Саргьы ааигәа ак
шабаз аҟара сцәа иаалашәеит.
– Умҩа куп, уаангыл! Уарбану? – иҿацаӡа бжьык слым­
ҳа иааҭасит ааигәа игылаз аџь еилҩаа ду шыҟазынтәи. –
Уҽыжәҵны уабџьар шьҭаҵа, мамзар схыст!.. – иҳәеит.
«Абрагьцәа!..» – сгәы иааснаҭеит сара. Сҽы аӷәра саахан:
– Уарбан ԥсуа хаҵоу, ҳабацәа рҵас еилаганы, аны­
шәынҭраҿы ихысуа?! Уаҳа ҭыԥ уақәымшәаӡеи?! – сҳәан,
аҭак ныҟасҵеит. Ишыжәдыруа еиԥш, жәытәнатә аахыс
аԥсацәа анышәынҭраҿы ихысуам, џьара гәаҟрак уақә­
шәан ада уаҳа ԥсыхәа умоур иуасҳәоузеи акәымзар.
Ааҭынчрахеит. Сҽгьы гылоуп. Еиҭаҵӡом.
– Уца нас, уца!.. – ирхәыҷны даҽаӡәы ибжьы аагеит.
«Ҩыџьагьы ҟалон, ҳәарада», – аасгәахәт. Уаҳа акгьы мҳәа­
кәа сымҩа инацсҵеит.Ажәытәан урҭ аҳҭны иаҵанакуан, уажәы абаа ԥҽыхақәа, акы
заҵәык ада, аԥслымӡ ахьыҵырхыз иҟалаз аӡҭатәа иагеит. Иара уи
акгьы агозар акәхап...

Шьҭа сцеит ҳәа Аупара сыҵалан рацәак сымцацкәа сы­
шнеиуаз дә-ҟьашра хәыҷык сҩықәгылеит.
– Уаангыл, узымцеит!.. – иҳәан, дырҩегьых амҩа кны
итәаз аӡәы ибжьы аасықәиргеит.
«Иаууеи, Чагә...» – сгәы иааҭысҳәааит сара.
Адәышкәаӷьаз сықәгылоуп, иҟоуҵои.
– Мап-чап ануҳәа, ухы ухысхт ауп!.. – иҳәеит егьи.
– Схы дуӡӡа, уара моу, асабигьы иақәиршәап, уиаҟара
ухаҵазар, ҳаисап, аа, абри сҭаҭынжәга иақәыршәа!.. –
сҳәан, сҽы аанкыланы, ҿыц еиҵаҵаны инасҿаскыз сҭа­
ҭынжәга нароуны, Амза иадырбаларатә еиԥш иҩаҳарак­
ны, инасырххеит, алҩаҵәгьы хәхәаӡа, сыжәбома аҳәара­
шәа, иахылҵны аҿыҩанахеит.
Ахысбжьы слымҳа ианҭас, сҭаҭынжәга ахәҵәы акәын
искыз, егьи хәашхәаша, амца зкны иҭаз аҭаҭын ӷәарапара
ацԥхьқәа картата, иҩықәнаҵеит.
– Ишԥоубои ари, уаҵахама?! – ибжьы ааиргеит руаӡәк.
– Ҳаисозар, шьҭа уара утәы уҩах!.. – сҳәан, саргьы на­ры­
қә­ҿысҭит, арҭ усгьы сыдмырҳәыр руам ҳәа сгәы иаанаганы.
– Ҳара ҳуеисаӡом, – иҳәеит раԥхьа зыбжьы зыргаз, –
ум­ҩа артуп, уца!
– Амала, ухаҵараз акәу џьумшьан узаҳшьҭуа, аҳаҭ­
гәынқәа раҳаҭыр азоуп, рылԥха уоуит, ажәытә ҵас ухам­
шҭкәа иахьуҳәаз, – иҳәеит егьи.
Абас иҟан ажәытәан. Схаҵоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡоз аҳаҭ­
гәын аҟны дхысуамызт. Абас иҟоуп иахьагьы. Аԥсуа иҳаҭ­
гәын қәнамгала иазныҟәази иареи аиӷара рыб­жьалон.
Абри ажәабжь абас абыржәы ишшәасҳәаз еиԥш Чаҵә
Чагә иҳәоны саҳаит Асду жәабаҟа шықәса шыбжьаз, аурыси аџьапоуни55 реибашьраан раԥхьатәи ашықәс азы ир­
хәны Ешқыҭҟа ихынҳәыз Қәранӡыи Шьаҳан ибара иахьеизаз ауха. Усҟан сара смаҷын, сыкҿатәаны сахьыӡырҩуаз
иансаҳа, игәныскылеит.
Уажәы, амҳаџьыр иагаз рҳаҭгәын еибақәа санрывсуа,
абри аасгәалашәоит.
Аџьапоун – аиапон.

ЧАҴ Ә ЧАГӘ И
ГО ГӘУА НОЧЕ И

Ҽ

нак зны Аҟәантәи Чаҵә Чагә иҭааит аҵарауаа –
Виқ­тор Кәыкбеи Семион Ашәхәаҵааи56. Арҭ инеиз
Чагә аҩны дахьрықәшәаз еигәырӷьеит, уи идагьы уа дыр­
беит Чагә иҟны инеилоз иқыҭантә, иаасҭа такәы еиҵ­быз,
аха зыхьӡ гахьаз алафҳәаҩ, шәаҳәаҩыс ирԥхьаӡоз Гогәуа
Ночагьы.
Асасцәа ақыжә рзыршьын, Чагә иҷкәынцәа Леуарсеи
Жореи уи иаҿын, дара акәац жәуанаҵы ҳәа ашҭа иҭагы­
лаз аҵла ду ашәшьыраҿ итәаны ицәажәон.
– Чагә, ҳуазҵаақәарц ҳҭахын, уиоуп ҳзузаа, круҳәо­­зар
ҳәагьы ҳгәыӷуеит, – иҳәеит Виқтор, Аҟәа, Аԥсны иҟоу-иа­
ну ажәабжь ҿыцқәа ианрылацәажәа ашьҭахь. – Иумдыр­
уеи, – инациҵеит Виқтор, – аԥсуаа ҳажәаԥҟақәа, ҳажәар­
тәа­­­қәа, ҳжәытә ҳәамҭақәа акымкәа-ҩбамкәа амаӡақәа
ры­ҵа­ҵан еибыҭоуп, ус иртәоуп, уахьрыхәаԥшуа акала
ицәа­­жәоит, «рышәқәа аартны урыҩнаԥшыр», ҽакала, урҭ
ӷбак азна аҭоурыхқәа цәырыргоит, убас ишьақәыргылоуп.
Аха урҭ рыҩнаԥшразы рцаԥхақәа удырроуп, раартышьагь
уақәшәароуп.
– Уа аиаша уҳәеит, ҳаи уххь згааит убри ахьцәыругаз,
уҩызагь уаргь! – наиҳәеит Чагә.
– Изхысҳәаауа уиоуп, Чагә, Семиони сареи крааҵуеит
«Ахаззеи ахы ануп» ма «Ахаӡӡеи ахы ануп» ҳәа ирҳәо ажәа­
ла ицәырнаго закәу аилкаара ҳашьҭоижьҭеи. «Ахаӡӡа ахы
ануп» ҳәа усгьы рҳәон. Абри иаҳәо закәтәу ҳәа ажәытәуаа
ирҳәоны иуаҳахьои, Чагә? Уаргьы ушԥазхәыцуеи?
– Ииашоуп, уи ахьӡ уара ишуҳәаз ирҳәон, Ахаза зҳәозгьы
ыҟан; жәытә ԥсуа-базала, аԥсуа-шәыла Хәылԥыеҵә,
Шарԥыеҵәгьы иароуп, урҭ аҩбагь акоуп. Ажәытәан аеҵәа
ҽа хьӡыкгьы аман рымҳәози – аха, аӷа акәын; ззеи, жжеи,Аҵарауаа Виктор Кәыкбеи, Кәыкәбагьы рҳәон, Семион Ашә­
хәаҵааи, Ашәхәаҵагьы зҳәоз ыҟан, Сталин-Џьугашвилитәи ареп­
рессиақәа раан харада-барада иҭадырхеит.

зза, жжа – лашароуп, илашоит, иӷәӷәангьы; ӡӡа, ӡӡеи – ахәы­
ҷы, амаҷ, еиҵоу ауп, ҟәаразаргь ауеит; ааӡабра, аӡӡеи­
ра адагьы. Ари ажәартәа Хәылԥыеҵә, егьыс ала Ахаззеи, ауаҩ ихы ануп ҳәа цәырнагоит. Ас анаҳәа, идунгьы
ианы­зароуп, – иҳәеит Чагә, иагьнациҵеит: – Абри адагьы Ахаззеи аха ануп ҳәа усгьы рҳәон. Аха, ага, жәытәла
ахы – ашьхагьы, анаарагьы ирыхьӡуп. Ахаззеи аҟны шьха
дуӡӡак ыҟоуп ҳәа усгьы аанарԥшуеит. Ари ҳ-Адгьыл аҟны
зеиԥш умбо аҩыза. Ахаза Ахаӡа ануп, Ахаӡа Ахаза иануп
ҳәа усгьы рҳәон...
– Семион, ари уаҳама? Ахаззеи Марс ауп, Хәылԥыеҵә,
егьырҭгьы уаҳаит! – иҳәеит Виқтор.
– Саргьы ус сгәы иаанагон!.. – наиаҭеикит Семионгьы,
нас Ноча иахь: – Ноча, уара кыр ҳзацуҵома?! – иҳәан,
дна­иазҵааит.
– Ажәытәан «Ахаззеи ахы ануп» зҳәоз ирбага нацәа,
иаҵха нацәа ҩада жәҩан ахь ирханы, иарбо «уахамлакәа
иубаӡом» ҳәагьы ациҵалар акәын данцәажәоз, ус иазԥ­
ҟаран иҟан, убас ала ицәажәоз дуаҩ дыруп ҳәа дыԥхьаӡан
иҳәоит ацәажәаҩ ду Гогәуа Қьмышь, аа, макьана дыҟоуп.
– Уи иашоуп, – назгәеиҭеит Чагәгьы.
– Ахаззеи ажәытә аԥсуа-абаза хьыӡқәа иҵегь аман, –
нациҵеит Ноча, – Аԥхазза, Аԥхаззеи, Аԥхажжа, Аԥхаж­
жеи... ҳәа, рышьҭахь жә аман, аду ажәытәтә ҳәа, аха иа­
ҵәахуеит, иунарбом, атә здыруа аӡә иакәымзар. Агыр­­
қәеи ақырҭцәеи рҟны иахьа Аԥхаза, Аԥхазеи ҳәа итәа­
хьеит; ашәанцәа рҟны Аԥхажа, Аԥхажеи ҳәа; ажәы­тәан
ҳахьӡ шырҳәозгьы убас акәын, иахьагьы «зз», «жж» рыла
изҳәақәоугьы макьана иҟоуп... Аҭара инхо Быҭә Силаҳ
иажәақәа рыла, Ахаззеи ҽа хьӡыкгьы аман – Аҭоурыха.
Хыхагьы иара акәзар ҟалап иҳәон, иԥҳагьы Хыха лыхь­
ӡиҵеит...
– Ажәытәан ахазгьы аӡааԥшылара рдыруан, ахы анылоит, ахы аанагоит, иунарбоит ҳәа ус рҳәон. Уи знарбоз
ҳ-Адгьыл аҟны насыԥ зауа дреиҳахоит, ауаа насыԥ ду
рзааигоит ҳәа азырԥхьаӡон. Амала иара џьаз лагьанын

иахьанырҭәалоз, аганқәа зегь рыла уаакәшан уӡааԥшы­
лар акәын – ган заҵәык акәын иузырбозгьы, уаҳа иауамызт, насгьы иара еснагь ицәырҵуамызт, убри ацәырҵра
аамҭагьы уақәшәар акәын... – иҳәеит Чагә. – Ари аказын
иҟарҵозар ҟаларын: хамыршҭыгаси, хҭаршәагаси, мышкы зны измааноу закәыҵәҟьоу рзеилкаауазари, насгьы уи
анбыкәхауа ҳәа.
– Ажәытәан алагьан аҟны ахаз аԥара ӡаадыршәлон,
абаз акәзар акәын, уаҳа даҽак ҟаломызт, усоуп иара
ишаҭаху, мамзар ахы цәырҵуам, амц унарбаргьы, уажьаргьы ауеит рҳәон. Анкьа ахазгьы иахьа еиԥш ус алақәа
рыҭара ҟалаӡомызт... Абригьы акы иамаанан, – нациҵеит
Ночагьы...
– Алақәа уи еиԥш иагьа ҳцәырфахьеит, иаҳ­цәыр­
гахьеит... – иҳәеит Чагәгьы. – Аха ари хьчаны иҟаиҵеит,
ум­бои!.. Уаҳа иамуашәа аниба – иҳареикит! Злыԥхаҳаура.
– Чагәи Ночеи, абри ҳазҿу ажәаҳәахьа иаҳзаанацҳа­уа,
иаҳәо уаҩ-ҵарауаҩ агәра изгарушь? – иаалырҟьан дна­
ҵааит Виқтор.
– Издыруада ари ара ҳ-Адгьыл аҟны бахә дук, шьха дук
ахьӡ акәзар? Аԥсны? – наԥишьит Семионгьы.
– Ажәытәан аԥсшәа амҵәыжәҩа аман, иԥырхьеит ҳәа
ус рҳәон, иахьагьы изҳәо ыҟоуп, – нараҭеикит Чагә.
– Аԥсуа иҭоурых рӡахьеит, аха зынӡак имыӡӡеит, авак,
ахацлакы амоуп, уи ҵәахуп, мышкы зны ирбарангьы иҟоуп
ҳәа усгьы рымҳәозиз, иахьагьы изҳәақәоугьы ыҟоуп, –
нареиҳәеит Ночагьы. – Ажәытәан аԥсуа-база би­раҟ аеҵәа
зхакыз анап аҿа анын. Уи иарбан еҵәаз иа­хакыз, изықәк­
ны иаҳнарбоз?!. Уара, Чагә, уиадагьы, Еҵәа­џьаа рҟны аԥсҭа
дуқәа ыҟоуп, Ахаззеи шәшәоуп ҳәа рымҳәаӡоз?..
– Ирымҳәакәа, ишԥарымҳәоз! Аха урҭ зегь сҳәоит ҳәа
уалагар...
– Ахаззеи ахы аныҵәҟьазар, изаҟароузеишь зугәа­хәуа,
Чагә? – дҵааит Виқтор. Аҵарауаа акалашәа иҟоуп, арҭ
заа еибырҳәахьазшәа, ара рыҽшаны акәын ишиазҵаауаз,
Виқтор – Чагә, Семион – Ноча.

– «Ааигәа умнеикәа иубаӡом», «узымнеикәа иубаӡом»,
«уахамлакәа иубарҭаӡам», «ухамлакәа иубаӡом» ҳәа абас
рҳәон. Ирзеилыргомызт «уахамлакәа» акәу, «ухамлакәа»
акәу. Ианамулак, рҽеиҵыхны алагьан иахагылан иаԥ­
шуан, ахәыблы ихалан, иқәгылан устәи иахаԥшуазгьы,
иӡааԥшылозгьы дубарын, – иагьаарччеит.
– Алагьангьы уахь ихеигалозма?!. – иҳәеит Виқтор.
– Иҵаҟа аҩнаргәаҿы иргылон, имариашан.
– Ицәыхараӡамыз? Хыхь ахәыблы аҟнытә?..
– Ани иеиԥш «ахшыҩ ҟазҵоз, ахәыблы иқәлан иахәаԥ­
шуаз, идуны инамырбоз!.. – иҳәеит Ноча, иагьаарччеит.
– Уара, уи саргьы ус ҟасҵахьеит ҳәа усгьы нациҵеит. –
Уаҟәымҵӡар, иунарбоит ҳәа усгьы рымҳәози.
– Ахаззеи ахыха ма ахых ануп ҳәа усгьы рҳәон, – наз­
гәеиҭеит Чагә. – Ари ус жәаԥҟаны иртәазаргь ауеит, ха дук
иахьӡызаргь ҟалоит. Хыха(жә)(а) ҳәа усгьы саҳахьеит.
– Амза Адгьыл иакәшоит, ма иахыкәшоит, жәытәла
иуҳәозар – иануп. Убри Ахаззеигьы убас акы, хакы акә­
шозар, иахыкәшозар – ианызар ҟалап, ахыха, ахых, ахы
знугьы, убри акәзаргь ауеит, – нациҵеит Ноча. – Ахныҳә­
ҳәар(а), ма ахмыҳәҳәар(а), ҽа хьӡыкгьы аман, уи арбан,
изакәу здырыз маӡак ааиртуеит ҳәа усгьы рымҳәаӡоз,
Чагә?
– Ирҳәон! Аԥсуаа ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи амаӡа дуқәа
ырмаанан изҵәахуа, изҵаку ыҟоуп, уахьахәаԥшуа азнык
азы ибашоушәа унарбоит, аха. Ҳбызшәагьы, шәа ишә­
ҳәан еиԥш, убас иҟоуп, – иҳәеит Чагә. – Ҳҵарауаа шәаԥхьа
оума­жәа, мбатәа шьҭоуп, – нас ажәҩан днаҵаԥшын.
– Иаҳхылаԥшхәугьы ииҳәаша сеидроу, ицәыругаз ухь­
чартә уҟазароуп, мамзар, ажәа ишалоу еиԥш, аллеи-аҳәеи
иуцәырфоит... Иузымыхьчозар – ицәырумгароуп, иҵәа­
хызароуп...
– Уаҳа иҳауҳәои, Чагә, убри Ахаззеи аҵыхәала?
– Анцәа иоуп издыруа уии уии заҟа еимадоу, аха саб
Абрагь ажәытәан Аԥсны ашьхарахь ахы ахьану ыҟоуп
ҳәа рҳәон иҳәон. Саныҷкәыназ, аа уажәы Ноча иеиԥш

саныҟаз, сагьазеимдахьеит... Аԥсны уажә ус ихәыҷхеит,
аха жәытәан идумыз, иахьа шьҭа уи ахьамоу анҭыҵ акә­
харгь ауеит. Ишыҟазаалак, Ҳакавказ иахгам.
– Ноча, уара крацуҵома? – дҵааит Семион.
– «Ҳаӡбахә ахы иҩанагоит» ҳәа рҳәо саҳахьеит. Адуқәа
тәаны ицәажәон, са сгылан сырзыӡрҩуан, игәыӷьны сзым­
ҵааит, схәыҷын. Зыӡбахә рымаз Ҳаӡӡабахә акәзар ҟалап,
егьи – ахы ма аха; жәытәла ахагьы ахы ҳәа ианашьҭаз
ыҟамзи. Ҳаӡбахә ма Аӡӡбахә Аҳаҭа ма Ҳаҭажә(а) иҭоуп
ҳәа усгьы рҳәон, Ҳаӡӡбахәах ҳәагьы. «Аӡбахә-ха Аҳаҭа
иҭоуп» – усгьы ыҟан. Аха уи ирхәмарны иԥышәырччо
акәын ишырҳәоз, уаангылишь, зны субахрагьы уҟоуп ҳәа
аҳәоит ҳәа усгьы ацырҵон. Ас зҳәоз Ҳаҭажәа абаҟоу ҳәа
иазҵаатәын. Уи Ҳаҭажәа Ҳаҭшеи иҭоуп ҳәа аҭак ҟаиҵар
акәын...
– Чагә, ҳзышьҭоу ҽа хьӡык абра уажә аҵыхәтәан иуҳәан,
– иҳәеит Виқтор, – Кавказ ахьӡ зхылҿиааз ҳәа иудыр­уеи?
Уара Ҳакавказ ҳәоуп ишуҳәаз.
– Уи шыҟоу усоуп, жәытә ԥсуа-базала, ԥсуа-шәыла
ака, ка, ака-ҵәарагьы ҳамҳәои – ҳәадоуп, аҟә, аҟәаҟә
ауп; вкы, авк, вка – иавку, иавоу, иавагылоу, аваза ауп;
зз, азз, зза – аду, аҳарак... ауп; абарҭ еицуҵар – Кавказз акәхоит, кавк-ду ҳәа ицәажәоит; кавкы-азз, кавказз – убригь иароуп. Жәытәан абри аԥхьа ҳа гылан, з
дроууан, иара иахьагьы убас изҳәақәо ыҟоуп макьана;
ашьҭахь ажә, ажәқә ҳәа абас змақәазгьы ыҟан, иаӡоит,
иаҵәахуеит... Зны Аҭара Быҭә Шьааб иҟны сахьнеиз
Нхыҵтә рыуа абазак даан дыҟазаап, ҳахьцәажәоз, шәара
аб­хазажәқәа ишәыбаргәузеи ҳәа иажәа иналеиҵеит. Асас
дахьыҟоу, ауаа агхома, ара агәыла ҷкәынцәа ҟаимаҭқәа
Кәакәаба Алықьса, Ҷаны Хабыгә, Кәыҵныи Андрышькәа,
Кәыҵныи Алмасхан уҳәа ыҟан, ииҳәаз ргәамԥхазт, Шьааб
иҷкәынцәа руаӡәк – Тариал – идырҳәеит абхазажәқәа ҳәа
шԥаҳауҳәеи ҳәа. Шәгәы изалсуазеи, уи аԥсуаа дуқәа, абхаз
дуқәа ҳәа ицәажәоит, Кавказ убасгьы ахьӡын – Ҳабхаззажәқә акәын ҳәа реиҳәеит. Ҳаббаззажәқә, Ҳадӷажәқә,

Ҳадгьажәқә – абарҭгьы иароуп, аӡы ианӡаагылаз ауп
иҳәеит, ианҩеи – ахьӡқәа аԥхьеи ашьҭахьи аҵәахит ҳәа
реиҳәеит, аҵара змаз уаҩызаап. Уара ари ииҳәо иашоуп
иҳәеит абаза цәажәашьа здыруаз Быҭә Мыикантрагьы.
Саргьы сақәшаҳаҭхеит, даргьы ақәшаҳаҭхеит, убриалагьы ҳаизааибагеит. Иркьаҿны абхазқәа иҳәар, иаҳа улаҿ,
уҿаҿы иааиуан, аха арҭ азқәа(а) аҟны мацара акәӡамызт
ажәытәан иахьынхоз, аӡы-мшын иагхацԥхьаӡа даргьы ашьҭагылан илеиуан, илбаауан. Ара моу арҭ Касы,
Каслангьы убас акәын, уи аҩеира ианалага нахыс. Уигьы ԥсуа-абаза, ԥсуа-лоу, аубыхә, ашә-лоу хьыӡқәа рыла
итәоуп иҳәон Быҭәы Мысҭаф даан даныҟаз. Уимкәа,
Мысҭаф излеиҳәоз ала, Ермантәыла ахьӡ зхылҿиаауа
Ҳаиа аҟәаҟә акәзаап, Ҳаиакакан ҳәоуп дара ишырҳәоу,
Ҳаиасҭан ҳәагьы, аҳаиа шьха хаҳәражәлоуп – урҭ рҭоурых
зхылҿиаауа закәу шьоук реиԥш мап ацәыркӡом... Урҭ Аԥс­
ны инхо абыргцәа изларҳәо ала, ерманы бызшәала Қырҭ­
тәыла ахьӡ Врасҭан, жәытәла Врысҭан, Ввырсҭан – аԥсуаабаза Жәжәры, Жәжәра(жә) аҟынтә ауп, – иҳәеит Чагә.
– Уара, Виқтор, Чагә ишиҳәаз иҭанартәоит, 1600 километра инаӡоу ари ахәада вкы ду ахьӡ иақәнаршәоит,
иақәнагоит, – иҳәеит Семион. Нас: – Чагә, абри Кавказ уа­
ҳа хьӡы ҳәа кры аман удыруама? – ҳәа днаиазҵааит.
– Ажәытәан акьаҿқәагь аман рҳәон; Казз, Азз, Ҳаззра,
Кажә, Кәаз, – иҳәеит Чагә, – иара убас Ҳаҭажә(а), Баҭажә(а),
Кәажәҟәаз... Атәырқәа иҵегь амоуп, сара иахьынӡаздыруа
абранӡоуп.
– Ҳолландиаагьы ажәытә Кавказынтә иааз ҳаҭажәааи
баҭажәааи ҳрышьҭроуп зҳәоугьы рацәами, Виқтор, – наз­
гәеиҭеит Семион.
– Уи адагьы уахь Мраҭашәарахь убыхәаа – аӷәыблақәа,
аԥсуаа, абазақәа, шаԥсыҭаа, адӷаа, Ҟабардаа, ачарқьазқәа,
аш-лоуаа, жәаинахаа... ҳархылҵит зҳәоу рацәаҩуп, –
иҳәеит Виқтор, нас Чагәи Ночеи днарыҳәеит ка ма ҟәа рыла
иалаго, ма инҵәо, аԥсшәа иартәахьоу ашьхагәарахьӡқәа,
ахәадарахьӡқәа рзеиқәырԥхьаӡарц.

– Ка-рабах, ка-рппы, ка-рдды, ка-рдды-леи, ка-шшыра
– анкьа кашшыҭ, кашшыҭа акәын, ка-шш-мар – убригь
убас, бба-лты-ка ма бба-лты-ҟәа, ббоӷә-ҭны-ҟәа... сеидроума, Ноча, убжьы бзиоуп, шьҭа уара иацҵа!
– Уи иациҵаанӡа, Карабах иаҳәои, Чагә? – дҵааит
Виқтор.
– Ака рабах – ирбахоуп, ирабаххуп, иӷәӷәаны иҟәа­
ҟәоуп, еиҵаҟәаҟәоуп, ака-раба-ха ауп, убас иҟоу коуп,
ҟәоуп. Аԥсуаа аҟәа ҳҳәоит, ашәы-ԥсуақәа, ашәуақәа – ака.
– Виқтор, уа уи аҩыза ыҟаҵәҟьоуп, аҭыԥхьыӡгьы иа­
роуп изыртәоу, – иҳәеит Семион.
– Ноча, иацҵа, мамзар арҭ ируам, срыхәом! – иҳәеит
Чагә, иагьаарччеит.
– Ка-мкы, ка-мҷыҷ, ка-млеи, ка-рффа, ка-рффа-гьгьына, ка-рха, ка-ԥказ, кас... уҳәа мачхәума. Абарҭ ир­хыл­
ҿиаауа ажәытә ԥсуа, аԥсуа-шәуа, ашәуа-ԥсуа жәла­қәеи
хьыӡқәеи рацәоуп, – иҳәеит Ноча.
– Абни, аҵыхәтәан иуҳәаз, кас азы хәыҷык ҳзацҵа! –
днаиҳәеит Семион.
– Кас мамзаргьы каса ашьхагәар хәыҷ, ахәада хәыҷы,
аҟә маҷ ҳәа ицәажәоит; кашь, кашьагьы иароуп; мамзаргьы иркьаҿны ас, аса, ашь, ашьа. Кавкасгьы иароуп,
Кавказ Хәыҷ. Иахьынӡаздыруа, Аҟәсы, Ҟәас, Ҟәаҿ, Ҟәыҿ,
Ҟәыҿ-Ҟәаҿ, Каҿ, Каҷ, Ка-Каҷ... иҵегь ирацәоуп. Ажәытәан
абра иқәынхоз аԥсуа-базақәа, аԥсуа-шәқәа, ашә-лоуқәа,
адӷақәа рацәан рҳәон, аха ауаа хышәшәаақәа ааны ирыланхо мацара убарҭ ирылаӡҩеит, уажәыгь ҭеиҭԥшла еиҩу­
драауеит. Иқәҵны наҟ ицазгьы ҟалеит.
– Сакьантәык излеиҳәоз ала, иара абраҟагь, ҳаваран,
ашәанцәа ирылаӡҩеит аԥсуа-дыӷа ҩ-махәҭак, аиҳарак
аба­зақәа, ашә-лоуқәа, – иҳәеит Чагә.
– Убриазоуп Кас аԥсуа-база, аԥсуа-дыӷа, ашә-лоуқәа
аубыхә ҭыԥхьӡқәа зырацәоу, – иҳәеит Виқторгьы. –
Уажә иуҳәозар, Қарҭ, жәытәла Ққарҭ, жәаба инареиҳаны
хьӡеиҭарс аман, зегь жәытә ԥсуа-абазоуп, иџьоушьартә
иахьырацәоу азы ишәзеиқәысԥхьаӡоит, кыр шәаҳахьазар,

ишәҳәа: Қарҭжә, Қарҭыжә, Қарҭыжәа, Қарҭжәа, Қарҭ­
лыжәа, Қарҭлыжәан, Қарҭлажәа, Қарҭжәыла, Қарҭжәы­
лажә, Қарҭжәылажәажә, Қарҭыжә Лоо, ма Лоу... Жә в-и
жә-и еимаркуа изҳәозгьы аԥсуа-ашәқәа ыҟан.
– Сара иахьынӡаздыруала, Қарҭыжә Лоо – Қәаҵажә Лоу
ма Қәаҵажә агыларҭа, Ақәаҵа ду агыларҭа ҳәа ицәажәоит.
Аарла дысгәалашәоит аҭаҳмада Қәаҵа Мысҭаф ҳәа изышь­
ҭаз, Аҟармара дынхон. Ари ажәла ыӡхьеит ма наҟ иагеит.
Лоо, Лоу, Лыу – знырҳа дуу, амч злоу, иааилан рымҳәои,
иӷәӷәоу ҳәа ус аҳәоит ма агыларҭа, адәы, аҟьаҟьара... ҳәа
ицәажәоит. Ҳашьцәа адӷақәа-кьахьаа абазақәа, ашәқәа
лау ҳәа ирышьҭоуп, ҳара аԥсуаа лоу ма ашә, ашәуа ҳҳәоит.
Лоуаа абаза, ашәуа аамысҭа жәлоуп... Ахәышҭаара(жә)
Лоуаа, хәарҭа(жә) Лоуаа, Қәаҵа Лоуаа, Ҷыжә(а) Лоуаа...
ҳәа абасгьы ыҟан.
– Ҷыжә(а) Лоуаа урҭ зусҭцәадаз? – дҵааит Виқтор.
– Ара жә(а) аҵәахуеит, иунарбаӡом, ибыжьшәахьеит,
Ҷылоу, Ҷлоу ҳәа иартәеит. Ҷыжәаа, Ҷываагьы ыҟан, аԥс­
уаа-базақәан, аԥсуа-шәқәа, шәлоугьы рҳәон.
– Ари Ҷыжә(а) Маршьанаа ирывасуаз иоума? – иагьаарччеит.
– Ҷыжәлоу. Даамысҭан. Дрывамскәа иуазма... Ажәы­
тәан Ҷлоуааи Дал-Ҵабалааи аивасрақәагь рдыруа­заарын...
– Ашә-лоуқәа, ашәы-шәуақәа, ашәы-ԥсуақәа мамзар­гьы
аԥсуа-шәқәа... – абасгьы ыҟан убрахь наҟ рҳәон. Пыжәаа,
каспыжәаа – пываа, каспываа – ҳәа шьоукгьы ирышьҭан,
ани жә ырвны в ҳәа изҳәоз. Пываа рны­ҳәашьа ҳәа, Гәаԥ­
хапыв ма Гәаԥханашь ҳәа аӡә лыхьӡ иад­ҳәаланы, уи даҳ­
кәажәын, ирхәмарны асамырҟәыл, алаф рхырҳәаауан
жәытәан, ааскьанӡагьы, – наҵишьит Ночагьы.
– Убратәи Лоуаа рышҟа тәымџьарантә еишьҭагыла­
ны жьҭаара ҳәа иаауан даҽа бызшәак ала ицәажәоз ауаа
хьышәшәаақәа, аҿиқәаҵәаақәа. Урҭ рҭаацәагьы ааргон,
адгьылқәа анрырҭалак – иаанхаӡон, арымӡаа ахәыҷқәагь
рыман, Лоуаа рыжьқәагь есышықәса ирзырҭаауан... –
иҳәеит Виқтор.

– Ҳара ҳабацәагьы, Виқтор, ажәытәан Қарҭжә, Қарҭыжә
ҳәа акәын ишырҳәоз, қ-қәа ҩба рыла, «ққ» ала. Уи иамаз
ахь­ӡеиҭарсқәа ҳәа узҿу реилкаара митәык иуадаҩхом
ажәытә абаза-ԥсуа ашәы-ԥсуа, ашә-лоу цәажәашьа бзиан иудыруазар! Уажә иуҳәозар, аққа жәытәла ацхагь
иахьӡымзи, ацха ҽа хьӡыкгьы аман рымҳәози, ахаагьы
иахьӡын, амзаш(ш)агьы иара акәын. Аққагь(а) – жьын,
ацхажь, ажьхаа акәын. Ққаӷьҭ(а) – ӡахәаҭран, ққаӷьҵа –
қәаҵан, қкаӷьҭхах, ққаӷьҭхаҳә – ӡахәан, ҟармазаргь алшон, – иҳәеит Чагә.
– Аҟарма ахьӡ ҵәахуп, иаазырԥшуа аартрак ҟаи­­ҵоит
ҳәагьы рымҳәозиз!.. – нациҵеит Ночагьы.
– Ус рҳәон, ииашоуп, ак рдыруан азоуп,– днақә­шаҳаҭ­­хеит
Чагәгьы. – Аққаҭры ҳәагьы ыҟамыз, уи уа­жәыгь ирҳәоит,
ққаҭранжәлан, былтәын, мҿы ахьы­ҟамыз, иахьмаҷыз...
Аққаҭры – ҟәжәеи жәлан, ҟәдеи жәлан, лҩазаргь алшон,
алҩа еиқәаҵәа, ажәатәан алҩа ҽа хьӡыкгьы аман рым­
ҳәози, лҩақзаргь ауан... ама­ӡа­шәар­қәагьы ахьрымоу
ыҟоуп... Џьам бызшәалагьы, фарси ҳәа изҿыз ала, қарҭ,
қар­ҭа – қәаҵароуп, Џьамтәыла ҳанадызгьы ыҟамыз, знык
сфар­сиргьы азин сымаз, – иҳәеит Чагә дԥышәырччан.
– Дфар­сиуеит ҳәа ажәа иалами, «даҵаҽырбоит» ҳәа. Уигьы баша ирҳәаз џьушьо, акы иахҟьеит, уиала ацәажәара
иаҵаҽырбозгьы ҟалан азоуп, умфарсиин зырҳәозгьы
уб­риакәхап. Убасҟангьы аԥсышәала акәымкәа убриала
ацәа­жәара иалагозгьы аԥсацәа ыҟазаарын, умбои.
– Знык уфарсир егьоурым, знык акәзар, ибзиоуп, азин
уаҳҭап, – иҳәеит Виқторгьы даазԥышәырччан.
– Ажәытәан ққарҭхаҳә, ққарҭҳаҳә, қарҭхацә, ққарҭ­
ҳәы­нап... ҳәа абасгьы ыҟан, аԥсуа-ашәыла, ҳә – хә, ҳ ры­
ла ирҳәо егьиуа. Урҭ хәышҭааразаргь ауан – аиҳарак ақ­
қаҭры азы, ӡахәаҭразаргь ауан, еилаԥсоуп, аха аилыргара
уадаҩым... Жәытәла ахәшҭаара иркьаҿны анапы, аҳәынап
ҳәа иашьҭазгьы ыҟан, қарҭҳәынап, ққаӷҭҳәынап – амца
аҳәырҭа напы, аҽҳәа еиԥш аҿҳәа зҳәозгьы ыҟан, ари
ԥсуа-базала, шәы-ԥсуала. Арҭ – ахьшьцәа ма ажьҭааҩцәа

ргыларҭақәа ртәакәзароуп ҳәа ақәсҵит, ажәытәӡан инхоз ртәык алашәаргьы ҟалоит, аха. Қарҭыжә Лоо – ақәаҵа
ду ма ақәаҵажә агыларҭа, ма ақәаҵа ма адәы... ҳәа им­
цәажәои, акыс уа жьҭаан хьшәоуп, ахьҭа-ҿыхьҭақәа ахь­
ӡоит, амцеиқәҵарақәагьы аҭаххоит, иара иахьагьы ус­
оуп. Ажәытәан ақәаҵа дуқәа зҵакыз ауаа ажь аҩныҟа
ир­гаӡомызт, уа ирхәон, аҩцарагь уа измаз ыҟан, оумак
бжьамзар, ахыбрақәа гылан, ажь убрантә изҭиуазгьы
ыҟан, уахьтәи аганахь, аахәаҩцәа тәымџьарантә иаауан...
Ақәа­ҵа, ақәаҵа адәы – ажь ахьеизыргоз, ақәаҵа агыларҭа,
ақәаҵа амҵеиқәҵарҭақәа, ақәаҵа аҩцара, ақәаҵа аҵыџь
иазааргӡа ахьӡқәа рацәан. Қарҭлажәа – ақәаҵа аҵыџь
акәын ма аӡырԥха агыларҭа, – нациҵеит Семион Виқтор
иреиҳәаз ахыхь, нас Ноча иахь: – Уара, Ноча, абри ухьӡ
Ноча акәу Ноуча акәу, – ҳәа днаҵааит. – Ноу, Арноу, Ноуда,
Ноурыз... усоуп са ишыздыруа...
– Жәытәла Ноуча ауп, у еиԥшыз ӷә ыҟан, убриала
ирҳәон.
– Аси, Ашьи рзы уаҳа кыр ҳауҳәома?
– Изласаҳахьоу ала, (Ҳ)аззра, Ҳазз, Азз – Кавказ акәын;
(Ҳ)асра, Ҳас(а), Ас – уи Кас, Кәас акәын; (Ҳ)аӡӡра, (Ҳ)
аӡӡӷа, (Ҳ)аӡӡха, Ҳазӡ, Аӡӡ – урҭ рыбжьындоуп. Абарҭ
еилы(жә), еила(жәа) ҳәа анрыцыз ыҟан, аҩеира ианаҿыз,
иӡааҳәҳәалан ахалара ианалага. Еилы(жә) – аӡқәа ықәықәны, ирыбжьа-рыбжьаны такәы иӡааҳәҳәалоу иахьы­
ҟақәаз роуп; еила(жәа) – аҵыџьқәа аӡыблақәа рхагьежьуа иахьамақәаз роуп. Ҳаӡӡ, Аӡӡ ҳәа арахьгьы иҟан,
«ахәыҷы» ҳәагьы ацырҵон, Аденгьа жәытәан ҽахьӡыкгьы
аман рымҳәоз... Ари уажә сара еиҭасҳәаз Гогәуа Қьмышь
иажәақәа роуп. Егьыс, уара узызҵаауа атәы, Асассеи ҳәа
ыҟан, Ас авҵала ассеира, ассыира – аӡиасра, аӡныҟәара.
Аззассеи, Аӡӡассеи – абасгьы ыҟан. Арҭ ажәытә Кас­
пы(жәи) Ашәы мшыни57 еимаздоз рахажәа, иатәын. Уи
акым­кәа-ҩбамкәа ахьӡқәа аман, Култа, Култу, Култура ҳәа
Амшын Еиқәа, Абаза мшын. «Черное море» ҳәа ирҳәо абри
иахылҿиаазар ҟалап. Урҭ «Абазинское море» ҳәа зынгьы иашьҭан.
абасгьы аԥсуа-базала, аԥсуа-шәыла иашьҭан рҳәон. Ажәа­
бжьҳәацәа дуқәа арҭ раԥхьа к-қәа ҩба зыргылозгьы ыҟан,
рышьҭахь ах(а), аха(жә) ма ажә(а) ҳәа анҵәамҭа ацырҵон.
Ажәытәан ари Мраҭашәареи Мрагылареи ирбжьаз,
ирбжьдаз ҳәа изҿыз аӡы-мшын Ԥсут58 ахажәа акәын, уи
ишысҳәахьоу еиԥш, иҵегь ахьӡқәа аман, – иҳәеит Ноча. –
Са ишсаҳахьоу абасоуп.
– Убри аҩмшынк еимаздоз ахажәа, аӡыбжьында иҵегь
ахьӡқәа аман уҳәеит, уаҳа кругәалашәома, крудыруама?
– Ҳаҭшеиԥсут.
Абри инақәыршәан сашьеиҳаб Леуарса даарыдгылан, зегь хиоуп, шьҭа анапыӡәӡәарахь иааԥхьа ҳәа Чагә
инаиеиҳәеит.
Настәи – сеидроу, цаны-аатәык сықәшәеит, аӡырҩыха
смоуит, сгәы иалоуп, аха.
ЧАГӘ И НОЧЕИ РАЖӘАБЖ Ь И АЦ У,
МАМЗАРГЬЫ АХАЗА АШ ӘҲЫ З Ш А А РТ ТӘУ

У

ажәраанӡа исҳәон аҵарауаа Виқтор Кәыкбеи Семион Ашәхәаҵааи Чагә ишиҭааз атәы. Урҭ рыз­
ҵаа­рақәа рҭак Ночеи иареи ишыҟарҵазгьы салацәа­
жәон. Арҭ реиԥш иҟаз асасцәа Аҟәантә ианиҭаа, рхәырыԥхь ҟарҵеит нас саб рцәажәарагьы ашәшьыра аҟынтәи
акәасқьа ашҟа ииаргарц аԥшьигеит. Аха уанӡа сара ҳгәыла
Шьханыҟәа Длыи иахь сишьҭит асасцәа сҭоуп абранӡа усзааи ҳәа. Сахьнеиз дыҟамызт, иаха астудент Леонт Лабахәуа
даҳҭан, ашьыжь дара рахь Рекаҟа еиццеит иаб Бахәа иахь,
устәи Бедыҩажәа(н)59 неитәыкгьы имоуп, дахьӡозар, данааилакь днасышьҭуеит лҳәеит иԥшәмаԥҳәыс. Схынҳәны
санааи, арҭ ԥыҭкгьы иааԥшит, аха нас акәасқьахь иха­
леит. Уа аазеишәа ду, асасеишәа ҳәа ҳзышьҭоу, илахатәан,
дырҩегьых рызҵаарақәа аацәырыргеит. Дара уиаҟара
Ԥсут, Ԥсу, Ԥсыӷә(а) – Мрагылареи Мраҭашәареи ирыбжьдаз
ҳәа изҿыз аӡы-мшын ахьӡқәа руак атәырқәа роуп.Бедыиа. Ажәабжьҳәаҩ ишиҳәаз иныжьуп.
ржәуамызт, рызҵаарақәа ракәын ргәы иҵхоз, амала ибзианы крырфон, егьоумҳәан, иахьынтәиаазгьы харамыз
Аҟәантә, насгьы аҽыуардын, афаетон иаҟьаны иҟан.
– Чагә, жәытә ԥсуа ҳәамҭак ыҟоуп, даара кыр зхыҵуа,
Ахаза иазкны, абри шԥоуаҳахьоу, изакәыз ҳәа иудыруеи?
– иҳәан, дҵааит Виқтор.
– Ажәытәуаа ус рҳәон Ахаза ҳәа ыҟан, Ладеи Ҩадеи
ирыбжьагылан ҳәа; урҭ Ладеи Ҩадеи зыхьӡыз кыр мыш
ныҟәа рыбжьан – асакара, ацәҳәыра уқәсны уцар акәын,
амҩан аӡазгьы цәгьаран ҳәа. Убра ианааилак, иаан­гы­
лан рыԥсы ршьон нас иандәықәлоз раҳаҭақәа егьи уҳәа
амҩаназ ӡыла идырҭәуан, иара аӡы аман ҳәа. Уи аӡы
ахьыӡ иахьанӡагьы иааӡеит, умбои, Ахазлажәа, Ахаз­
лакәа ҳәа. Иара Ахаза ахаҭа баатәын рҳәон, цаԥхаҵас
шәы аҿаӡамкәа игылан. Уҩналан унаскьар, аҭӡаҿы имҩа­
шьахуа мырзаканшәа аҭӷәаарсҭақәа аҭаны ашәҳыз ахьамоу убоит, аха артышьа амаза узымдыруазар, аӡахьы
унанашьҭуамызт рҳәон.
– Уи маӡас иаҵаз ҳәа крудыруама?
– Убра унадгылан аҭӷәаарсҭақәа руак аҭагәаҩара на­
ҵәала «тыгә-тыгә-тыгә...» ҳәа хынтә уасроуп, нас убжьы
рдуны «Ашәҳыз, уаты, сусасуп!» ҳәа абас ҿуҭроуп. Абри
инақәырццакны бжьык ахьхьаҳәа игоит, Ашәҳыз цаҟа
иҭанагалоит, иланашьҭуеит ҳәа усоуп ишҳәоу. Нас аҭӡы
ашәашә укылсны наҟ уҩналоит. Хаха-хымш Ахаза уасасуп,
амаӡақәа, аҵәахқәа унарбоит, ҵаҟа уагоит, хыхь уагоит...
Аха хаха-хымш иреиҳаны аҩнуҵҟа унхар ҟалом Ашә­
ҳыз иҩахоит, уахь уаанхоит, уоунажьӡом.
– Ашәҳыз уи закә шәыз?
– Ашәҳәыз, ашәҳәызы акәын – иҳәазаны илеиуа-иҩеи­
уа иакуа-иатуа. Ажәытәан «иҳәазеит» аҭыԥан «иҳа­зеит»
зҳәозгьы ыҟан, ҳә ҳ ала.
– Ажәытәра ҳамҳәаргьы, Уаҭҳара ақыҭа иара иахьагьы
усала ицәажәоу ыҟоуп, ҳә ҳ ала ирҳәоит.
– Уиоуп иуҳәаша! Аха Ашәҳыз ҳәа ҳазҿу Амза аныҟоу,
аҭәымҭаз оуп, аамҷыдахаз уаҳа иланашьҭуам, иагьа уааԥ­

саны, уқәнакны уҟазаргь – иоуӡом рҳәон. Уаргьы Амза
аҭахамҭаз уахь анеира ухы ақәумыршәароуп ҳәа убасгьы
ацырҵон, – иҳәеит Чагә.
– Ахаза Ладеи Ҩадеи рыбжьара иҟан уҳәеит, урҭ убри
ирыбжьдаз ада уа уаҳа ҽа мҩакы авсуан ҳәа кыр рҳәоны
уаҳахьазма? Иаҳҳәап, Мрагылареи Мраҭашәареи ирыбжьдазгьы?
– Уигьы ыҟан, аха усҟан Мрагылареи Мраҭашәареи ҳәа
узҿу ҽакалагьы ахьӡқәа рыман.
– Иарбақәаныз?
– Ҳатлажәи Ҳатласи. Аԥхьа ҳ мыргылакәа изҳәозгьы
ыҟан.
– Уаҳа?
– Уажә ҳрыламлап, ҳамҩахнагацәоит, избан уҳәар,
аки-аки еиԥшьуп, ак ҳәаны егьырҭ нужьыр – игәаауеит...
Уашьҭаназ инҳажьып, аҩы самшьыр... – иҳәеит Чагә, иагьаарччеит.
– Ноча, уара Ахаза азы кры ацуҵома? – дҵааит Се­
мион.
– Ахаза абаагәара акәыршан, агәашә ду аҿан, устәи
ашҭахь уанҭалоз угәуҽанызар акәын рҳәон – аҳәыдқәа60*
агәыдқәа ааигәа иҳәазаны иааины иахаҩозар ҟалоит
рҳәон. Амза аныҟамыз урҭ абоубоз, итәазар, урҿашәон.
Абас рҳәоны саҳаит Ҭраԥшь Ҳалыли, Арӡын Кәасҭеи,
Езыгә Хабыгә ауп ҳәа сыҟоуп ихьӡыз, усҟан смаҷын, саб
Хындыгә сицын. Ари Кьалашәыр ауп, усҟан уа аџьармыкь
ыҟан, ацҳа азааигәара, – иҳәеит Ноча.
– Ахаза ахаҭа закәытә баажәлаз, иаԥшшәыз ҳәа кры
рҳәоны удыруама, Чагә? – дҵааит уажә Виқтор.
– Иҟаԥшьын рҳәон – иазын, икәацәын. Ахакәа, Ахакәаз
– абас зҳәозгьы ыҟан.
Виқтор иҵырҟа аџьыба дынҭалан жәытә хсаалак ааҭи­
ган, иааиҵихын, ӡ-дукгьы анын, акәакәарқәа реиԥш ахакәацәқәа ана-ара игыланы иахьаныз надирбеит:
Аҳә(ы)ды, агә(ы)ды – крокодилқәоуп; агәылшьап акәын
зҳәозгьы ыҟан.
– Ари Мсыртәылоуп, ари – Мысра, Мысраҳ аӡиас ду
ауп. Жәытәан Ал(а)да ахахьы Кәарара, Кәаӷьыра, Аҩ(а)
да – Еигәжәы(жә), ҽакала иуҳәозар – имҩахгоу, еиҭагоу,
мамзаргьы еиҭаҵыз ҳәа абас иашьҭан... Аха уажә уиа­
кәым, арҭ акәакәарқәа иреиԥшны игылоу жәытә ԥсуа-ба­
зала, ԥсуа-шәыла ахьӡқәа рыман, ус крыжәдыруама? Кыр
шәаҳахьоума?
– Арҭ ахасақәа, ахақәа роуп – ахакәацә, ахакәаҩ; аҳакәацә, аҳакәаҩ. Мсыргьы бжьырҟҟак аман, акы – иана­
мы­хәа – убра аӡы мҩахыргеит, иахыкәдыршеит, рҳәон,
– иҳәеит Чагә.
– Абарҭ аҭоубыҭқәа зҭадыргылоз рацәан, ирыхьӡыз?
– Ашәыха. Уатәи аҳцәа дуқәа, аҳәынҭқарцәа рзы ҭаҳ
рҳәон, аҳ аҟынтә, иара ԥсуа цқьалагьы ҳаҳ ҳәа ыҟан, аҳ иаҳ
ҳәа. Уи «дыԥсит» рҳәомызт, иҟаломызт, «дыцәеит» акәын.
Аха абазақәа, ашәқәа цә ц ала ирҳәон, «дыцеит» ҳәа. Ацаха – убригь шәыхажәлан, шәыхан; цә ц ала ирҳәон Аца-ха
– уигь ыҟан. Убжьы ахьақәурӷәӷәо зеиԥшроу еиԥш.
– Абриак акалашәа иҟоуп, ҩнуҵҟалагьы омак иреиԥ­
шӡам, иаргьы ашьанҵа ҟаԥшь иалхуп, ихыҟаԥшьаауп,
шәа­хәаԥш, Чагәгьы Ночагьы: ԥсуа ԥацхаҵас шәгьы аҿа­
ӡам, ажәытәан изызкызгьы иахьа цқьаҵәҟьа еилкаам;
аҩнуҵҟа ҭӡыбжьарақәоуп, акоридорқәа амоуп, аҭыӡ­
қәагьы. Убраҟагьы ҩнышә дук, уарҳалк инеиҳаума уҳәо
цәа­ҳәа-цәаҳәа аҭӷәаа, арҟҟа аҭоуп, хыхьтә ҵаҟа; излыху закәугьы рзымдыруа егьиуа аҟынӡа убас иҟоуп – уи
ашәҳыз акәзароуп. Ари, аха ҟаԥшь, жәытә ԥсуала, ишуҳәаз
еиԥш, Ахаза акәхароуп, – иҳәан, инадирбеит Виқтор,
иагь­нациҵеит: – Убра уныҩналан, Чагә, уара ишуҳәаз
еиԥш, нацәала унас-насны, ҿуҭыр – ашәҳыз ланашьҭроуп,
иа­нар­тыроуп... Абри шәышԥахәаԥшуеи шәҩыџьагьы?
– Иара убри Ахаза омак иацәыхарамкәа иахьанӡагьы
инханы иҟоуп жәытәан мысраҳцәа-аҭаҳцәа ахьтәаз
раҳ­ҭын ду ақьабҭақәа, ԥыҭҩыкгьы ауаа нхо егьиуа. Уи
Ҭаҳаҭа ахьӡын, уажәгьы усоуп; ҭаҳ, даҳ, аҳ, ҳа, ҳ, – арҭ
зегьы аҳцәоуп; аԥхьатәиқәа аҩба аҳцәа дуқәоуп, ҳәынҭ­

қарцәоуп. Убри ажәытә ҳҭны ду ашҭа дугьы аман, ахьӡгьы
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3683
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2262
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3647
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3613
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2215
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3759
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2132
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2356
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3624
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3581
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2231
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3571
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2337
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3713
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3623
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2146
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3575
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2293
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2391
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3723
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2236
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2323
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3663
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3428
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1451
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2515
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3728
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 422