Latin

Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16

Süzlärneñ gomumi sanı 3619
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2391
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
игәа­ҩазаап, иҭылашьҵааӡа сылҭаԥшит. Абри азы акәхап

урҭ руак иазымчҳакәан изхжәазгьы. Хыхь санынаԥш,
ашь­хыцқәа ахьҭыԥраауаз сбарҭанымызт, амахәқәа сԥы­
ран, даҽа ԥыҭк аҟара сҩеир акәын. Иҟалап ашьхымза
ҭаӡамкәа ашьхыцқәа ус ицо-иаауа иԥыруазаргьы ҳәа зназы сгәы иаанагеит. Нас сшәақь, уи сыжәҩа ишахшьыз,
сханы иҟаз амахә еилачыра аҩада сашьҭуамызт азы, убра
аилачыраҿы махә ҩа хәҷык аман, иааԥысҵәан, уаҩы
илаԥш иҵамшәаратәы инкнасҳаит. Абри ашьҭахь искыз
амахә ҩа аԥҵәаха аҵла агәаҩарахь инаршәны, иҵегь аҩа­
да схалап ҳәа сҿыҩасхеит.
Аха абри инақәырццакны ӷәиҵибжьык, аҵла агәаҩа­ра
аҟынтә ауп сҳәаратәы, слымҳа инҭаҩит.
Саахынҳәын, абрантә акәушь иахьгарыз, абри агәа­ҩа­ра
иҭыҩрызушь ҳәа, изакәу еилыскаарц, сҽырхәан, ахыжә­­­
жәара схықәгылан ҵаҟа агәаҩара сышҭаԥшуаз, иҟа­­­лаша
хырԥашьа амам ҳәа, ишыҟалаз сымбаӡо, сҽан­ҵа­шәа
цнапыкла искыз амахә цәаҩа-цәа хәыҷы аасым­пы­ҵаԥ­
ҵәан, уаҳа сыҽсызнымкылаӡакәа ҵаҟа аҵла агәа­ҩарахь
сарԥеит.
Сынасыԥ иаҵанак, иманшәалан скаҳаит, сыхгьы џьа­ра
татарак инанҟьеит, цыԥхьқәакгьы цәҩежь-жәҩангәыԥ­
шшәылаха сыблақәа иҩарыҵибаҳәеит, уаҳа акгьы смыхьт.
«Маҭҭрак сҭаҳазар рацәа срыхәхеит...» – аасгәахәын,
сыҽмырҵысыкәа сҽааныскылт, избан уҳәар, амаҭқәа
рыгә­­ҭа уҽурҵысыр ҟалом ҳәа саҳахьан. Ус, снаԥшызар,
ала­шьцара аарла иаалзбааит ишәаҟьаны, икҿаҟәыҟәны
иҟаз амшәҳәара хәыҷқәа. Урҭ раԥхьа ран сакәыз џьырым­
шьакәа иҟам, аха сыфҩы анраҳа, сыштәымуаҩыз анырба,
ишәаҟьеит.
Аҵла агәаҩара хыхь ахыжәжәара инаркны ҵаҟа адгьыл
аҟынӡа иҵаулан, иазыбаан, аҵа татан. Сара сҽышьҭакны
сыҽ­мырҵысыкәа ус сышьҭан, снапы ираҵәан макьана
иа­­кын исымпыҵаԥҵәан амшәҳәар рахь сасра сзышьҭыз
амахә мышьҭацәгьа аԥҵәаха.
Даара аџьабаа збеит аҵла агәаҩара сҭыҵразы, аха сна­­
пы анеиҵысх: ахыжәжәара аҟынӡа сара сзымҩаӡеит, иа­ра

узлахалаша, узықәгылаша ҳәа махәы аҩнуҵҟала иа­­ма­
мызт. Аура азыҳәан саргьы смаҷмызт, аха, егьа зундазгьы ахыжәжәара аҟынӡа сзымҩаӡеит. Ус анакәха, ара иҭаз
амшә даара идузар акәын, ишгылаз, ма иҩаԥан ахыжә­
жәара аҟынӡа иҩаӡон мамзар изҭыҵуамызт.
Схәыцит, сеиҭахәыцит, аха иухәыцуеи, аҵла агәаҩара
сызҭымҵуа сааҭахеит. «Иуфеит, Чагә, аилаџь!..» – сгәа­
хәуеит сахьҭагылоу.
Ауаҩы иԥсы дақәԥшыр иимхәыцра, игәаламшәара
ҳәа иҟоузеи, иидыруа зегь анихашҭуагьы убап, аха... Из­
хысҳәаауа, аҵыхәтәан саргьы убас хшыҩк схаҿы иааит.
Хыхь санԥшы, жәҩан кәамҟьа хәыҷык хьаа змам амахәқәа
ирылԥшны иахьсыхәаԥшуаз сҩаҵаԥшит. Убри ауп абри
ахшыҩ схаҿы иаазгагьы.
Сахьҭаҳаз ҵаҟа унцәыҵатәартә еиԥш ацәыҵа­гәа­ҩа­
рақәа аман. Абас иахьыҟаз сынцәыҵатәан, хыхь сыжә­
ҩан кәамҟьахь сҵәыҵԥшуа саатәеит. Сахьтәаз абажә та­
тарақәа, абӷьыжәқәа сықәсыԥсеит, урҭ ауаҩ ифҩы рхәа­
ҽуеит ҳәа саҳахьан.
Уажә иааиру, уашьҭан иааиру ҳәа сыԥшны, ҩаха-ҩымш
егьаарыгымхауа абас стәан. Аҵыхәтәан, сыжәҩан кәам­
ҟьа аҵаҟа, хыхь ахыжәжәараҿ, мышәшьапык ҩықә­гылт,
даҽакгьы навагылт. Ашьапхыцқәагь збоит. Урҭ амшә аԥ­
хьатәи ашьапқәа ракәын. Ус иара ахаҿгьы аацәырҵит. Нас
иааҳәын, аԥхьатәи ашьапқәа ахыжәжәара иҩа­ҿар­шәны,
шьҭахьла аҿаанахеит, ашьҭахьтәи ашьапқәа аҭӡы икыдыргыло.
Амшә шьҭахьлоуп ишылбаауа, саргьы абри акәын сыԥ­
сы ӡаны сыззыԥшыз: саацәырҟьан, сакӡамшәа сҩа­ԥан,
ашьҭахьтәи ашьапқәа рыҩбагьы ашьаҳәырӡыӡқәа иҩа­
рыцәхыкны сыҩнапык рыла илҭарс искит, убасгьы сыҳә­
ҳәеит, аҭӡқәа ирныҩны слымҳа «ҵуу» аргартә еиԥш.
Агәы рҭынчны зыҩныҟа иааиуаз амшә, ишақәым­
гәыӷ­ӡоз ас акаамеҭ аҭра иҭалан ианыҳәҳәа, ашьапқәагь
анакы, еиҵасны ԥхьаҟа ицеит. Сара сҩаган ахыжәжәара
сҩа­ха­нажьт, иара ахууаан, икәымпылуа, аҿаҟьа илҭалт.

Сааласын адиаа ахыжәжәара сҽаларԥсны иахьыскыз
иааушьҭны, сыҭрысын сшәақь аакныскәыцәааит. Аха ани
еиԥш амшә ду анс аҿаҟьа бааԥс аҟны аҽазнымкылазар
акәхап, икәымпылуа ахәажәа сса ӷьашмаш еимыцҟьаан
ицеит. Аҵан инеир, нас арахь икыдлозар акәхарын.
Сара уаҳа ахәыцра саламгеит, сахьықәгылаз сҩалбаа­
ԥан, егьи аган ала ишсылшоз аҩныҟа сеихеит. Ашьра сҽа­
зысымкит, иҟазааит, аҵла агәаҩара сыҭнагеит, аԥацәа
ирымаз!
Абас сыхьит Ԥыцыикәара аханы Ашәра ҳәа иахьашьҭоу
аҭыԥан. Абас џьашьахәылагьы сеиқәхеит.
Абзиара ҳҳәааит, даҽакала иҟаларгьы амуаз... Аҩни­ҟоу
сналзыӡырҩны, ҩызак даашьҭыхны ҳаиццазҭгьы, ҳаз­ха­
рагьы ҳшәарыцон, абна шьха ахьамазгьы иҭаԥшыхә­ны
ҳаауан.
Изхысҳәаауа, шьоукы-шьоук ахацәа рыҳәса ахшыҩ­
қәа анырҳәо, абри сара ишыҟасҵаз еиԥш, ирзыӡырҩӡом...
Уажә са сахьахәаԥшуа, урзыӡырҩлар иаҳа еиӷьзар ҟалап
сгәа­хәуеит, ҩаха-ҩымш амшә ҭыҩраҿы аҵла гәаҩа аҭа­
тәара уқәшәар аҵкыс.
Уи сҳәеит ҳәа, досу иԥҳәыс дзеиԥшроу еиԥш акәзароуп.
Анцәа иумҳәан, аха аӷьычрахь улырхозар, уанылзыӡырҩ
– амшә уакит!
ШЬХАТӘЫ Л АТӘИ
АХҬЫС Џ ЬАШ ЬАХӘТӘ

А

быржәы ишәасҳәараны иҟоу ажәабжь ииашаны
иџьоушьаратә сақәшәеит. Уи шыҟалазгьы абас ауп.
Саб Абрагь аԥсаса хар амамкәа иман, аџьмақәа иза­нын.
Қап Қәаблыхәи Арыш Еқәыԥи иареи ааилалан саргьы
срыманы ашьха ицеит. Усҟан сара жәибжь–жәаа шықәса
реиҳа схыҵуамызт, ашьха раԥхьаӡа санцаз акәын.
Ҳахьнеиз Аҳарҩа омаӡак иацәыхарамкәа аҳаскьын
қашәқашәо иахьыҟаз џьара ҭыԥк аҟны ҳаангылт. Урҭ ашь-

ха ианцоз есышықәсагьы убраҟа акәын гыларҭас иахь­
рымаз.
Ашьха ҵыхқәа ҿыхьҭаахоит, аха икаии, иҟәан­дашь­
шьыраӡа, амзагь каххаа ианыҟаз уахык, ҳашьҭа­лаанӡа ҳәа
ақьала ҳдәылҵын, аиҳабацәа ахьтәаз ажәытә ажәа­бжь
бзиақәа рҳәон. Ус наҟ аԥсҭахьынтә, ахрақәа рыҵаҟантә
«ыу-у-ым-м...», «ыу-у-ым-м...» ҳәа уаҩ дацәшәаратәы
бжьы­цә­гьак хынтә хрыжь-хрыжь иаагеит.
– Ари алым абжьоуп, ашьха лым абжьы, – иҳәеит Қәаб­
лыхә, сара аҵааха сымҭакәа.
– Абжьас акәзаргьы ауеит, абжьас абыжьгьы иеиԥ­
шуп, – иҳәеит Еқәыԥ.
– Мшәызаргьы алшоит, абгамшәқәа рлеишәа цәгьоуп,
рышәагаа омаӡак иҟамзаргьы, ауаҩ ишьҭа ихылоит, –
даацәажәеит Абрагьгьы.
Аха ҳара уи абжьы ҳацәшәартә ҳаҟамызт, ҳацԥхьаӡа
абџьарқәа ҳаман, аҭыԥ ла дуқәа хԥа ыҟан, ҳарахә аҵан­
гәара иҭакын.
Аиҳабацәа ражәабжьқәа еиҭанарылагон, ҳнаԥшызар,
абжьыцәгьа ахьгаз иахьадыз ала ижжаӡа акы аԥсҭа иааҭы­
ҵын аҿаанахеит. Уахьахәаԥшуа ԥхныгак аиҳа инеиҳауп,
ацыԥхь ацрыдды, икәымпыл-азыхәхәашәа, аӡә ишәара
аҟара иҳаракуп.
– Анцәа, улԥха ҳаҭ!.. – иҳәеит Абрагь иаармаҷны. Нас са
сахь дааԥшын, иныҵакны: – Умшәааит уара, ашьшьыҳәа
утәаз, уи арахь иааиӡом, умцәажәан!.. – иҳәеит.
– Анцәа уоуп!..
– Анцәа унапы ҳануп!.. – рҳәеит егьырҭгьы, иныҵакны.
Ижжаӡа ишааиуаз, ҳа ҳахь имааикәа илаҳавсын, алаба аҵаргылан ицозшәа, алаҟәырақәа рҟны аҽыларҟәуа,
аҩхаԥаларҭақәа рҟны аҽырҳаракуа, ацԥхьқәа ашьҭахь ала
ишацрыддуаз, уаҳа иаанымгылаӡакәа ицеит.
– Ари Ашьха Шьашәа ҳәа изышьҭоу ауп, иудыруаз, –
иҳәеит Қәаблыхә, ихы насықәикын. Нас егьырҭ днар­зыԥ­
шын: – Уара, иахьцаз шәызгәамҭаӡеи?! – иҳәан, дна­раз­
ҵааит.

– Игәаҳамҭакәа, Агыруа Дызҭоу аганахь имцеи!..
– Хымԥада абри зыхәаабжьы ҳаҳаз агыгшәыг иасны,
иркьаҭан иаауан, – рҳәеит.
– Злыԥхаҳаура араҟагьы илаԥш ҳхыми, агыгшәыг ҳар­
цәихьчоит, – днаҳақәшаҳаҭхеит Қәаблыхәгьы.
– Иабацеи зышәҳәа?.. – снаразҵааит сара.
– Агыруа Дызҭоу ҳәа ыҟоуп, аҳаԥы, убрахь ицеит, зны
ицәажәан иалгаанӡа, уӡырҩла... Умҵааӡакәа, уӡырҩны,
ир­ҳәо закәу еилукаалароуп, акәымзар уара абаа уоума
сыжәла змырӡуа?.. – дазыхәмаршәа даасаӷьт, сшьамхы
еихысаанӡа иаҳауеит, саб Абрагь. Нас Еқәыԥ ихы наи­
қәикын: – Уара, Еқәыԥ, иуасҳәахьоума убри Агыруа Дыз­
ҭоу аҳаԥы ахьыҟоу ахраҿы шықәсык зны Ламшьаҵәи сареи ҳзықәшәахьоу? – иҳәан, диазҵааит.
– Мап, ус ак уҳәоны смаҳацт. Аха, уара, Абрагь, дарбан
гыруоу убра иҭоуп ҳәа ззырҳәо, Ӡаԥшьаа дыртәызу, Ачаа
ртәы иакәзу?
– Ӡаԥшьаа ртәы иакәын ҳәоуп сара ишсаҳахьоу, ус акә­
ӡами, Қәаблыхә?
– Аа, ус акәымкәа! Ӡаԥшьаа дрыдкылан дрыман, ма­
ҵуҩы ԥҳәысеибак дылхатәан. Уи анбыкәу, акыр ҵуеит.
Рырахә ашьха ирызкеицо, абас дыҟан. Есышықәса арахә
анхеицалоз, убри аҳаԥы аӡбахә иарҳәон, ааигәара ум­
неин, убра уҭамлан, адыд адыруеит, убри ашьха злыԥ­
хаҳаура Шьашәры иаҭыԥуп ҳәа. Ари знык иарҳәеит,
ҩынтә иарҳәеит, ахынтә раан, уара абра иҟоу збап, џьа­ра
ак ҵәахны ирымазаргь сыздырам ҳәа, дыҩхалан аҳа­ԥы
дҭалеит. Данхалоз ашоура даку здырхуада, иблуза ишәы­
хны маҟаҵас икәыршан, аԥхьа хәымџьарҵас еилар­шәны,
ижәцәеимаақәагьы, ишьапы идмырхькәа иҟам, ишьхны
имаҟа иадҳәаланы абас дыҟан...
Ишыҟалаз уара идыр, абас дыԥсны аҳаԥы дышҭаз
рбеит, ишәақьгьы хәхәаӡа иван.
Аҳаԥы дҭыргарц рҽазыркқәеит, знык акәым ҩынтә­­
гьы, аха дрынамҭеит, ирывахысуа ианалага, ус дшышь­
ҭаз дааныжьны ицеит, ишԥаҟарҵоз. Убриаахыс убра

убас дышь­ҭоуп рҳәоит. Ари умаҳахьеи, Еқәыԥ? – дҵааит
Қәаблыхә аҵыхәтәаны.
– Уи саҳахьеит, ааи. Шьҭа, Абрагь, ҳаузыӡырҩуеит, Қәаб­
лыхәи уареи шәзықәшәаз ажәабжь уалагеишь! – иҳәеит
Еқәыԥгьы.
– Саламгои, – иҳәан, Абрагь иажәабжь дналагеит. –
Ҳабацәа рыԥсы анҭаз, Қәаблыхәи сареи ҳҟатақәаны,
шықә­­сык зны абрахь ҳрыцааит. Ари ахынтә раан ашьха
ҳан­­цаз ашықәс азоуп, ус ами, Қәаблыхә:
– Аа, ус акәымкәа!
– Ашьха ҳанхала адырҩауха, аиҳабацәа абри Агыруа
Дызҭоу аҳаԥы аӡбахә аацәырырган, рабацәа рхаан иҟалаз
ак акәын, акыр иалацәажәеит, гәнаҳа ҟазымҵац ауаҩы
ԥшьа днашьҭны дхыннарҳәыр ҟалап акәымзар, уаҳа аӡә­
гьы дшынанамышьҭуа атәгьы рҳәеит. Инанашьҭуа дыд­
нарбоит, аха дрынаҭом... Раԥхьа ашьха ҳанрыцца, ҳнар­
ԥшны иаҳдырбахьан, аа, абни нахьхьи иаабо абахә ӷьазӷьаз аҟны унеины наҟстәи такәы уанхалалак уброуп, уахь
шәымцан ҳәа.
Абри анырҳәоз ауха абра иааин иҟан Ҭхьына инхоз,
арахә зманы ашьха ихалаз, Рашьыҭиԥацәак. Урҭгьы ҩы­
џьа аишьцәа ыҟан, иҳақәлацәаз ракәын, еилҟьақәак, ашь­
ҭахь аӡә дыԥсит.
«Уаҵә шьыбжьышьҭахьынӡа убри абахәцәгьа ҳәа шәыз­
ҿу аҟны сцаны схалан саауазар, иреиӷьу шәышь­тәа­қәа
руак сзышәшь!» – иҳәеит Рашьыҭиԥацәа руаӡәк.
«Уара уакәым, сара сцан сзымаари?!» – иҳәеит Қәаб­
лыхәгьы. Иумдыруеи, ари Қәаблыхә даныҷкәыназ алашьамх иҵоуп ззырҳәоз иакәын, дыццакын, дааԥсомызт.
Ашьха атәгьы, дхазынамзаргьы, хар имамкәа идыруан.
Иазаауазеи, ара аисара ҟалеит гәыԥааи ҭхьынааи ҳәа.
Аиҳабацәа азныказ ирҭахымхеит, уи абахә адыд адыруеит, шәымцан рҳәеит, аха аҳаԥ аганахь ҳцом, астәиала
ҳхалоит анаҳҳәа, ақәцәанынӡа ахалара ҟалом, абжеиҳа­
ра шәаннеилак, амца еиқәҵаны алҩа ҳшәырбоит, нас

шәхынҳәуеит ҳәа иақәшаҳаҭхеит. Аисара атәы иубац,
аиҳа­бацәагьы аланагалеит.
Излаҳаӡбыз ала, раԥхьа ицоз Қәаблыхәи сареи ҳакәын,
адырҩаҽны егьырҭ цон, уаанӡа рҩызцәакгьы аҭыԥ аҟны
ирзааирц иҟан, иааиуаз аӡәки аешьцәа руаӡәки ра­кәын
ицоз. Аешьцәа аҩыџьагьы реиццара аиҳабацәа ақәша­
ҳаҭымхеит.
Ажәакала, Қәаблыхәи сареи шаанӡа ҳҩагылан, ҳҿиҳнапи ааӡәӡәаны Анцәа ҳааиҳәан, амҩа ҳақәлеит. Амра­
гьы гылан икаххаа, џьабаа мыцхәгьы мбаӡакәа абахә
цәгьа ҳәа иахьаҿыз ҳнадгылт. Анцәа ҳаиҭааиҳәан, ҳласны
ҳна­ҿалт. Аџьабаа ҳнарбазаргь, аамҭа иҳамаз абжа аҟара
цахьаны еиԥш ҳазҿыз абахә аиҳара ҳҩеит. Амзареи аи­
қәареи ныжьны цәҳәырала такәы ҳхалт.
Уаҳа ҳамҩеикәа, уа ҳҽаанаҳкылан еихымцала амца
аак­ны, иҳамаз ахыҷмыҷ нақәҵан ахы анааиҿаҳҵа, ал­
ҩаҵә хахаӡа иҩагылт. Ашьха цыҩцыҩуа, ҳалҩаҵә шьҭа
аҭыԥ аҟынтәгьы иааԥшны ирбон, ашьха иҩеиуа алҩа заҟа
улаԥш иҵашәо усгьы ижәдыруеит.
Ас аныҟала, Қәаблыхәи сареи ҳгәы ааибархаҵан, ҳа­
хьыҟаз ахьыкәыз ҳхашҭны, «ҳаит-чеит!» ҳәа ҳшәақьқәа
рых­қәа аҩада ирханы, ашьха-цәҳәыра ҳаракыраҿ ус ҟоу­
ҵар ауама, «ахәеҩ-сеҩ» ааҭҳаргеит.
«Ахәеҩ» ҭҳаргеит, аха ҳшәақьқәа рхы цқьа аларҟәыха
ҳамраӡакәа, итҟәацит, аха узҭахым убас иватҟәацлааит –
ҳханы зымҩа ишьҭаз ахаҳә ду илеи иласын, ишьҭа­ӡамыз­
шәа, иҟәыбаса илықәнаҵеит, атыҩшафҩгьы лаҳалаҳауа
илықәчит. «Аа, Анцәа!!!» – ҳҳәан, Қәаблыхәгьы саргьы
ҿыцха ҳҽынкаҳаԥсеит усгьы ҳкаҳауан, аха... Ҳшәақь
хәыҷ­қәа ҳампыҵыҟьҟьан, рыгәқәа хьахьхьала-хьахьхьала, ҳшьапаны иаҿаԥсан.
Икаххаа иҟаз ажәҩан ҳамбаӡо иаразнак аԥсҭҳәа аах­
чылт. Шьаҿак уаԥхьа игылоу думбаратәы иааҟалеит.
Аҵықьҳәа еиҭахысын, ҳааигәара иҩацәхыкны џьара еи­
ҭасит. Абри инақәырццакны мацәа дук аиҳа ишәпоума
уҳәаратәы инеимагылан, ақәагьы аланы, акырцх аҿаа­

нахеит. Ҳара ҳаԥсы ӡаны ҳахьышьҭаз, ҳгылар адыд ҳацә­
шәан, ҳшәақьқәагь ҳаман мгәацәха ҵаҟа ҳаихеит. Ара аангылара ҟаломызт. Акы, адыд шәарҭан, ҩбагьы ихкәаан­ӡа
ҳәа ҳаԥшыр, ихымкәар, ашьха дгьыл ус адырлоит, ҳла­
ҳәуан. Маҷк ҳаныласкьа, нас ҳлабашьақәа ҳҽырнаҳ­ҵан,
ҳамҩагьы марда мариамызт, аха гәынхәҵысҭала иаадыруан, ашьшьыҳәа ҳҭалеит. Амацәыс анааимнаҟьозгьы
иаҳ­нарбон.
Абас ҳашцоз маҿак инеиҳаны акырцх ауит, аҷыхь аҵа­
ны ԥшакгьы ҵысын, ҳацхәыхә еихамгыло ҳҟалеит. Адыдгьы зны-зынла хыхь ана-ара икшон. Ҳанаауаз ишьҭаҳхыз
ауапақәа, иҳазхагалом, ҳхалан ҳалбаанӡа иҟаларызеи
ҳәа, абахә ашьапы ҳахьаҿалоз ишьҭаҳҵахьан. Ус акәӡами,
Қәаблыхә?
– Ус акәҭгьы...
– Заҟа аамҭа цаз здырхуада абас ҳшылбаауаз, акгьы
ҟамлаӡазшәа Амра каххаа иаацәырҵын, ҳҿы еилымго
ҳахь­леиуаз иҩаҳақәԥхеит.
Аԥс ԥха анҳалала, ҳаибакеибашьҭуа, ҳаԥсы ҳаманы
аи­қәара аҟынӡа ҳлаӡеит. Шьҭа иҳабаргәыз, ҳшьапгьы
акуан. Ажәжәаҳәа хыҷмыҷк ааизааган, мцак ахы неихә­
лаҳ­кит, алҩаҵәгьы хәхәаӡа иҩхалеит. Уи иаҳзыԥшыз ирбон, ҳшеи­қәхаз рнардыруазар акәын...
Ҳхынҳәны аҭыԥ аҟны ҳанаа, хәылԥазтәи ашәаԥшь ахәа­
нга ыҟан. Еибганы иурхынҳәуазар, рыла ҳшынҭаԥлшак
рыԥсы ацынхәрас акәырбанқәа шыҟаҳҵара ҳәа доуҳа
арҭазаап ҳабацәа, иреиӷьыз ҩ-бҟатак аалырхын рҿаҭахьа
нарыгӡеит.
Уинахыс уахь ацара аҵыхәа ԥаҳҵәеит.
– Рашьыҭиԥацәа ашьтәа шәзырымшьӡеи нас, уара? –
дҵааит Еқәыԥ.
– Ирымшьыргьы ироуҳәоз, избанзар, ҳара, шьыб­жьы­
шьҭахьынӡа ҳәа ҳшеисахьаз еиԥш, ҳзымааит. Ҵабыр­гны,
иахьынӡаҳҳәаз ҳхалеит, аха уи абахәагәышьоз. Аха дара
«Уи шәара ишәхарагәышьоузеи, Злыԥхаҳаура игәам­ԥхеит
ауп, шәахьымӡазаргь шәхалеит, шәылҩа анаабоз шәдәы­

қәлазҭгьы шәахьӡон», – рҳәан, шьтәа ҟаимаҭк ҳарҭеит. Уи
нас иаҳшьит, – иҳәан, иажәабжь даалгеит Абрагь.
– Дара уахь ҳцаны ҳхалоит ҳәа иаламгаӡеи? – дҵааит
Еқәыԥ.
– Аиҳабацәа ирымуит...
– Иара Агыруа Дызҭоу аҳаԥы абахә аҟны зеиԥшыр­
ҭаншәа иамоузеи?.. – снаҵааит аҵыхәтәан.
– Уи абас ауп... – рҳәан, аҳаԥы ахьыҟаз аганахь снар­
ԥшны цқьа иаасдырбеит.
Ауха ражәабжьқәа ирылган ҳанышьҭала ус сыӡбит, макьана гәнаҳа ҟасымҵац, Анцәа дышԥасмыхәари, уаҵәы
имҳәамырза сцаны убри Агыруа Дызҭоу дышҭоу збап,
ахьӡ ҟасҵап ҳәа...
Ашьжьымҭан арахә анеилҳарга, схәырџьан аашь­ҭыс­
хын: «Иҟалозар, жьынҵәрыҟәшәара сцоит, азна аам­
га­­кәагь арахь саауам!..», – сҳәеит. Акыс ажьынҵәыр ӡы
рҵәны ажьырӡы бзиа ирбон. «Уара, хара умцааит!..» – ҳәа
насарҳәеит. «Хара сышԥацои, аха такәаамҭа сшәымбар­
гьы шәысцәымшәан...» – сҳәан, сшәақьи сма­кәани аашь­
ҭыхны сцеит. Санынаскьа, сааҵәиин Агыр­уа Дызҭоу шы­
ҟаз амҩа снықәлеит. Иаха ҳзыниеит ҳәа ирҳәоз ажәабжь
еицәаз уахь исзыԥшызаап, уи сара из­дыруаз акәымзар...
Сзышьҭаз аҳаԥы ахьамаз абахә аҵаҟа саннеи, Амра
такәы иҩхашлахьан. Маҷк сыԥсы ааиҭакшәа сҩаҿалеит.
Акыр схалахьан еиԥш, аҩада уаҳа царҭа амаӡамкәа, аҵ­ла
еиԥш ишшаӡа хра ҵәыцаран иҩасҿагылт. Изулак сахыкә­
шан, снаҵсын наҟтәи аган ахь саниас, еилҟьа­шаараны,
ана-ара амзаҵлақәа ыҟаны, ҿаҟьак снаҿагылт. Быҭәаа
рыхәшә ҳәа изышьҭоу ашьхардацгьы џьарак-ҩыџьарак
раҟара ишәҭны иахьыҟоугь збоит.
Уи схынҳәны санаауа иҵхны изгап ҳәа, сҽеибыҭаны
сыҩкыдлеит... Аҟәақҳәа ишхысыз здыруеит, саԥхьа игылаз амзаҵлагь алаҳабаа еиԥш ҩыџьараны иааиҟәжәеит,
нас уаҳа акгьы сгәалашәом...

Санаалҵ, ацәымзақәа кәи-кәиӡа еилаҩеиласуеит,
рҩаш­кгьы «шш» ҳәа абжьы гоит. Ари абыкәу ҳәа цқьа
саа­ӡырҩызар, арҩаш абаҟоу, слымҳақәа ракәзаап зыбжьы го, цәымза кәиҵас исшьаз сыбла иҵашәо акакаҷқәа
ракәзаап, цәымзагь ыҟам, алашьцара схатәоуп. Ҳаит,
слымҳақәа рыбжьы го, сыблахаҵ акакаҷ ыҵашәо, хьҭак
сылалазаап ҳәа сгәы иаанагеит, макьана аҩны сышьҭоу
џьысшьоит. Аха сшышьҭақәаз сгәамԥхазт санаа­пыршьшь:
ҵаҟа хаҳәуп, хыхь хаҳәуп, схахь хаҳәуп, сшьапахь хаҳәуп,
сармарахь хаҳәуп, ахықәтәалараҵәҟьагь амуратәы сеи­
ҩырҿахә џьара сцәывҵоуп. Ҵабыргны, сарӷьарахь за­
ҵәык ала џьара снапы ҩкылҳәҳәан, иахьынӡацоз еиҵы­
ҵит умҳәозар. Уахьтәи аганахь ахаҳә дуқәа аԥыра­­ҵан
ишәаҳаны иҟаҵазаап. Абрстәиала акәхап абра сааган
сышцәывҵарҵазгьы аасгәахәт. Аҳаҷаҳәагь иаасгәа­ла­
шәеит амзаҵла адыд шасыз. Саргьы исысзар акәхап, мам­
заргьы ӷәӷәала исӡывасит, дабаҟоу ҳәа иансышьҭала, сыԥ­
сны сахьышьҭаз сырбазҭгьы, аҿаҭахьа рықәҵаны, иԥсы
ҭалозар ҳәа, аамҭала анышә самардон, убри азы акәхап
абра сааганы абас сзыҵарҵа ҳәа саахәыцт.
Сыбжьы сыргап сҳәоны, уара, урҭ асҵәҟьа сеиҩырҿахә
сҵәывҵарҵарымызт, издыруада мшәык сааганы, дцәы­
ларбаан дысфоит ҳәа, ҳаԥык аҟны џьара сцәыҵаҵан са­
ҵәа­хызар, ааигәа иҟазар аасгәахәын, иаҳҳәақәо ирзууазеи, иаасцәымӷхеит.
Слымҳа нкыдҵан даара сӡырҩит, аха иреицәа-иреи­
ҳаны иарбанзаалак џьара ҷытбжьык гомызт. Ишԥа­ҟас­
ҵари ҳәа саахәыцт. Иагьысыӡбит ашьшьыҳәа сҳәазаны
са­хьынӡазцо сцаларц. Саанапыршьышьын, хаҳәԥҽыха
ҵа­­рыкгьы аасԥыхьашәеит.
Сахьцәывҵаз ахаҳә ԥҽыха хәхәа дуқәа ԥшьба аушәақә
еиваҵаны иаԥыран. Изулакгьы, снапыршьышьуа, реиҳа
имаҷуп зысгәахәуаз руак ашьшьыҳәа снахан, сҳәазан,
сыԥсы ӡаны схы ҩцәывҵызгеит. Ҭынчроуп, ишылашьцац
илашьцоуп. Абџьарс ҳәа напызаҵә сыҟоуп... Сахьынапыршьышьуаз хаҳәԥҽыха ҵарык хәхәаӡа исԥыхьашәан,

цнапыкла искуп, иароуп сзықәгәыӷуа ҳәа исымоу. Агылара саламгеит, мшәны сахьцәывҵанаҵаз ахыхь ақәтәарҭа
аман иҟазар сакуеит ҳәа, ус сшышьҭаз, снапыршьышьуа
сҳәазо, ԥшьынаԥха ԥхьаҟа сҿынасхеит.
Ладаран сышнеиуаз, рацәак сымцацкәа, уаҳа ԥхьаҟа
самшьҭуа, ҭӡык аҿыгәҳәа схы инадгылеит.
Ишыҟасҵалац еиԥш, сеиҭаӡырҩит, схаҳәгьы скуп. Сар­
ӷьарахь лаԥш-ҿаԥш хәыҷык ыҟазшәа анызба, аҭӡы са­ва­­
ҳәазан уахь сҿынасхеит. Сышнеиуаз, армарахь иаа­ҵәиин,
алаԥш-ҿаԥшы иҵегь иааӷәӷәахеит, аҭӡқәагьы ры­цәаара
убо, аҳаԥы ҭыкка, ихәхәаӡа, иааҟалеит. Нахьхьи ра­цәак
бжьамкәа ихагьежьааӡа, аҵламахәқәа ҵыс-ҵысуа иаԥы­
раны, аҳаԥ аҭаларҭа ахьыҟазгьы ааԥшит. Алашара злаауаз
убрантә акәын. Сҩагылан иаасырццакит, аха сгәысҽанны.
Аҭаларҭаҿ саннеи, аҭыҵра саламгакәа сааҭгылан, ашь­­
шьыҳәа схы навҵсырҳәҳәан сааӡырҩит. Уахынлоуп, ае­
ҵәа­қәа кәеицеиуа, икаххаа, рҩашкгьы абжьы ааҩ­уеит.
Аҳаԥы, ашәаԥыџьаԥ аԥыриааны, рффак аханы иҟоуп,
унадымгылакәа ус аламала улаԥш иҵашәом, хыхь ба­
хәык­гьы ахагылоуп.
«Уаа, Анцәа, уара уоуп!..» – сҳәан, ашьшьыҳәа алашьцара сҽалакуа сааҭыҵын, издыруада уахь амшәқәа ҭазар
ҳәа, арффа еилачра сҭамлакәа, абахә илавҵаршәны ҿаҟьа­
ра­ны сҿыласхеит, исԥыхьашәаз лаба хымпыҿ ӷәӷәакгьы
аашьҭысхит. Аха сышнеиуаз еилҟьашаараны, ана-ара ам­
заҵлақәа гыланы ианызба, абраҟагьы адыд адыруа­зар ҳәа
сгәы иааҭашәан, уахь сымцакәа уа сҽааныскылт. Усгьы
саахәыцт, уажәы амцеиқәҵара салагар, акыр садха­лоит,
бӷамшәзар, сышцаз гәаҭан сышьҭа ихылар, исыхь­ӡоит,
иаҳа еиӷьуп слабагьы шыску мзаҵлак снықәлан ацә­қәан
шаанӡа исхызгап ҳәа, аҵхгьы шаҟа цахьоу здыруада, аха...
Унапқәа бзиа иаакәшартә мзаҵлак гәасҭан, ҩбаҟа
ҩны­гыдра рышәара махә амамкәа ицон, нас амахәқәагь
аманы, иманшәалан иҟан, абни сықәларц сыӡбит. Аха
зеиԥш ҟамло егьыҟам, даҽа лабакгьы сҭаххар сҳәан, саа­
наԥшы-ааԥшит, наԥшы-ааԥшра усгьы исыгызма, аха...

Ҩадахьшәа ҵлак аҿажьын, иманшәалан лаба ӷәӷәак
сзамхуазар ҳәа снеин ҵаҟала снадгылт. Алаба сшашьҭаз,
аа, уара, шәақьк ахьыҟоу! Махә пак ақәжьуп! Сахан иаа­
ҵхны снахәаԥшызар, ашьхәа кылҵәаӡа, аа, сшәақь! Сахьгылаз сеиҭамҵкәа аҵла икажьыз цқьа слахәаԥшызар,
еиҟәжәаны, ихбыл-ҿбылны иҟоуп! Аҟәжәахоуп икажьугьы, егьи абжак еилыблаан игылоуп.
«Иаа, Анцәа уоуп!..» – сҳәан, сшәақь ахы ларханы икны
сышьҭахьҟа сеихеит. Сагьгәырӷьеит, сагьшәеит. Сара
сызҭаз аҳаԥы ааигәаӡан, Агыруа Дызҭоу, изларҳәоз ала,
иҵегь такәы ухалар акәын. Шьҭа уахь сдәықәло сыҟазма,
аҭыԥ ахь сызлахынҳәышаз амҩа здыруан, сеихеит. Са­
хьыҟаз шәарҭан, лассы лбаатәын, абра акәын адыд сахьашьуаз... Уи зыхҟьа ҳәа издыруа, сшәақь сыхәда иқәк абра
санхалоз, аҩада ахы самхархазар акәхап. Адыд ахьадыруа
ушәақь ахы аҩада ирханы иукыр ауам, ухы хутыр ҟалом
ҳәа аиҳабацәа ирҳәоз цқьа сазымхәыцт. Насгьы уи ашьхацәҳәыра ҳаракыраҿоуп ус иахьыҟоу сгәахәт.
Уажәы, сшәақь ансоу, сышьҭахьҟа сеихеит, аха уажә­
раанӡа иарыхьҭшьуаз ауаҩы, уажәы сшабо, аӡы аасмоур
ада ԥсыхәа сымамкәа сааҟалеит, акыс арҩашгьы иха­
рамкәа абжьы гон, санаауаз исгәалашәоит, уи сырны ауп
сшаа. Аҭыԥ аҟынгьы, санырымба, ишеилоу здырхуада,
снеир исарҳәаран иҟоугьы сеидроу, уигьы сацәшәоит.
Ԥыҭк санынаскьа, шьҭа сыԥсы ансоу, саахьаҳәын сахь­
цәывҵаз аҳаԥы шыҟаз ахы рханы ахәеҩ ааҭсыргеит, кыр
сышьҭалан иаауазар иаршәап, мамзаргьы ара ишааиуа ахәшәбылфҩы акыр, исышьҭыҵып, ҳҭыԥ аҟынӡагьы
ахысбжьы неиҩыр збап ҳәа. Аха аҭак аӡәгьы дымхысит,
ихаран, шьхак ҳабжьан, исышьҭазаргьы арахьтәи аганахь иҟамызт, хара умцан ҳәоуп ирҳәаз, џьара ак ихьт ҳәа
убрахь еимдозар акәхарын.
Ашәақьгьы скын, акыргьы сгәысҽанын. Уахынла, шар­
ԥазыла, арҩашқәа рахь ӡыжәра ашәарах лбаауеит, агыг­
шәыггьы уахь инеиуеит, амҩан иуҿаҳаргьы ауеит, уи здыруан.

Абас арҩаш аҟынӡа санылбаа, абраҟагьы ахықә еил­
ҟьа­шааран, иаразнак аӡыжәра саламгакәа, зымҩа аԥаҩ
аҳаракыраҿ сааҭгылан сӡырҩит. Саԥхьа нырцә ладеиҩадеи иахьынӡазбоз еиҳаракцәамкәа цаҟьараны илашь­
ҭын, аӡы сырыргьы царҭа ҳәа амамызт, насгьы ԥаса сзырыз арҩаш иҵегь идуун, ари ӷӷак акәхеит, абри адагьы
ԥаса сахьырыз амзаҵлақәа хԥа гылан, ас цаҟьагь ыҟамызт.
Шьҭа сышьҭра сықәлан сышзымылбааз, сшахҟьаз збоит,
аха иааг...
Сӡырҩуа абас сышгылаз, «ыу-у-ым-м...» арган, аԥ­сҭа
зегьы ҭырӡыӡаауа, еиларҩынтуа абжьыцәгьа ҩҭа­леит.
Ина­қәырццакны иара ахьгаз шыҟаз ажәҩан леи­ҟәжәаны
адыд акы иасит. Арҩашгьы ааилаҽҽан «ҟьац-ҟьац, ԥшшш...» ҳәа быжь-дагәакгьы аагеит. Аб­жьыцәгьа сахьы­
ҵәахыз аҳаԥы иацәыхарамкәа игеит ҳәа ақәсҵартә иҟан.
Акаруал шәақь скын, аха зеиԥш ҟамло егьыҟам ҳәа, сааласын сызвагылаз аԥсаҵ­ла снықәлеит. Иара аасгәыдӡа­
лартә, аҽыуаҩ иҽынеи­ҵи­хыргьы дзымҩаӡакәа акыр
игхартә аҟынӡа махә амам­кәа, нас ихаха-чахан иҟан.
Уажәраанӡа ԥсҭҳәацкгьы хымызт, уажәы адыд ахьыкшаз ашьхара аханы уарҳалк иаҟараны иҟәашӡа ак хын.
Сахьахәаԥшуаз, хыхьла иаҳа ицәхаԥшьызшәа збеит, шьҭа
лассы шар ҟалап, уиоуп ус изыҟоу ҳәа саагәырӷьеит. Сыӡба
абаҟоу, исхашҭит...
Абас абра сшықәтәаз такәгьы ҵит. Ус арҩаш ахь сыԥ­
шызар, аӡә дуауаӡа дҭагылоуп! Аа, дҟәашӡа, кьаҿк, маҟ­
ҽаҳәаранӡа дҩаӡоит, аҩҟәыҵәак рыбжьара адгьылбжьаха
хәыҷы ахықә аӷӷара аҟны дӡаагылоуп! Цқьа сыԥшызар,
ижәпаӡа ахцәқәа лықәԥсоуп!
Слымҳақәа ҩеин соупцәа хылԥа иҩаҵагылеит. Са­
хьықә­тәаз саахьанҭахеит. «Ҟоҳ, рацәа сыӡт, Цәыхь ҩбагь
ихьт ҳәа, уи акәын уажә исыгыз, дубеит, Чагә, аҳаԥ иҭоу...
Уи акәын узыршуаз...» – аасгәахәт. Аха ӡызлан Ча­ҵәаа
дырԥырхагам, Чаҵәбак «Уашхәа мақьаԥсыс...» лир­ҳәа­

хьеит ҳәа саҳахьан, уи анаасгәалашәа, сгәы аарӷәӷәеит,
ииашоушь ҳәагьы саазхәыцит.
Сыԥсы ӡаны краамҭа абас сыԥшуан, аха лара дахьгылаз қәацара лымамызт. Ус, даахьаҳәын, са сахь лҿаалхеит.
Адгьылбжьаха хәыҷы ааихылҵәан, арахьтәи аҟәыҵәа
дныҽԥынгылт. Нас уа аӷӷараҿ қәацара лымамкәа лҽаа­
ныл­кылеит.
Ӡызлан улеихсыр ҟалом, уабџьар еибагом ҳәа рҳәо са­
ҳахьан, аха, иҟалалакгьы, Анцәа – уара уоуоп, усыхә ҳәа,
даара дкылкааны санаҵаха, аҵықь ааҭгеит! Сӡызлангьы
дхышәҭын аӷӷара дҩалаҳаит, дырҳәазогьы аҿынана­хеит.
Дзеиԥшроу сымбаӡакәа дагоит аасгәахәт, аха дабаҟоу
дам­зхуа ахаҵа? Унеи агәы умоуп, ҽырԥсы ҟалҵазар? Нас
иш­ԥаҟалои?..
Абас сшылзыԥшуаз, ахаҳәқәа дырҿаԥан аӷӷара дазым­
гакәа дааныркылт. Саргьы ашара сазыԥшны сшықә­тәаз,
ашьха ахантәи сыԥҭа ҟәаш иҵегь идухан, ицәхаԥшьӡахан
иааилызбааит. Ишеит!
Смыццакыкәа сеиҭанаԥшы-ааԥшит. Ӡызлан дабаҟоу,
ис­шьыз ԥсаатәуп. Сҩалбаан снеизар, уи иаҟароу сымбацт, маҟҿаҳәара иҩаӡо т-цәыш дук шьны аӷӷара ахаҳәқәа
ирықәжьуп. Сгәы иаалсын, иааҭганы аҟәара инықәсҵеит,
аӡы ажәырц иааизар акәхарын, аха абриаҟара қәацара
амаӡамкәа иззаагылаз ҳәагьы саахәыцт.
Саақәҵәиаан алада санԥшы, арҩаш зыҵсуаз абахәқәа
ҩба срыбжьыԥшны иҭыкка ԥсҭак сылҭаԥшит. Нахьхьи
арҩаш ахықә аҟны х-мзаҵлакы, агәҭантәи иаҳа иҩа­ры­
лыҳәҳәо, иаагәасҭеит. Урҭ ракәын Агыруа Дызҭоу аш­ҟа
санцоз арҩаш сахьнырыз сызвысыз. Уа даҽа рҩаш хәы­
ҷыкгьы алалон. Иаха санылбаауаз ҩада сагацәазаап. Шьҭа
сымҩахымҟьар акәын.
Сытгьы уа иқәмыжькәа ҵлак амахәқәа иларыбжьас­
ҵан, ӡык ласҿаҭәаны, сыцхахә еихамгыло сдәықәлеит.
Аӡышь­ҭра иаваршәны сымзаҵлақәа рҟны саннеи, дара
ракәын, нас сеихеит.

Бзиа санынаскьа схысит, сеиҭахысит, наҟынтәигьы
ахысбыжьқәа геит. Сеиҭахысит. Аҭак еиҭаҟарҵеит. Ари
ҳҭыԥ аҟынтәи акәын. Шьҭа уа сыҟазшәа исыԥхьаӡон.
Иацухаахыс рыбла ҭкәыкәы рыҽшаны исышьҭазаап,
уца ҳәа ахьсарҳәаз аган хәыц-хәыц еимырдахьазаап,
ашьыжь еиҭасышьҭалаанӡа ас ахысбыжьқәа анга, иара
иакәу, дҭаханы ӡәыр дибоу ҳәа, еиханы арахь идәықә­
лазаап. Саргьы маҷк санынаскьа сеиҭахысит, са соуп, ам­
ҩа сықәуп ҳәа аанарго. Наҟстәигьы ахысбыжьқәа иаҳа
иааи­гәаны игеит.
Ас сыԥсы ҭаны Анцәа сандирба, иагьсеигәырӷьеит,
иагьсаӷьит.
Сылахьи слакыҵеи ашәытақәа рнын, сцацхагьы, шьап­
хыц ҭыԥқәоу, убрагьы шәытақәак аман, схылԥа аҵӷа
сыхәда маҷк ицәнаҟьеит, уаҳа акгьы смыхьт. Сымаҭәа­
қәеи схылԥеи кәыкә-мыкәшәа иахьыҟаз ыҟан.
Сзыниаз зегь анрасҳәа, иахьтәаз рыхқәа дырҵысуан.
Абрагь Анцәа иахь иқәиҵаз аҿаҭахьа ҟаиҵан, иреиӷьыз
б-ҟатак ишьит.
Адырҩаҽны рҽааиқәыршәан, доуҳа кны аҿаҭахьақәа
ларықәырҵан, алақәа рыхҵагьы рыманы Абрагьи Қәаб­
лыхәи сахьыҵәахыз рбарц ицеит.
Ахәылԥаз иааԥсаха ихынҳәит. Урҭ Еқәыԥ излаиарҳәаз
ала, уа амшә ҭаз џьыршьон, аха акгьы рымбеит. Сахь­
цәывҵаз аазыҳаракын. Уи ахыхь ақәтәарҭа аман, аган
аҟны аҵыџь еиԥш аҵа умбаӡо, уаҩ дызҭамло тышак
ыҟан. Аҳаԥы иҩадараны, нас амахәқәа аманы, иҵегьгьы
ицон, аха алақәа сахьыҵәахыз ианахымс, даргьы уаҳа
хара имцакәа иҭыҵит. Амала сҳаԥы азааигәа, адыд ахьсысыз авараҿ, мышә дук, афы иашьу, абз аҿыҳәҳәо иԥсны
ишышьҭаз рбеит. Утгьы ахьыҟоуҵаз иҟан рҳәеит. Ауха
аԥсыӡ акуазаарын, уи акәын имҵысӡо изӡаагылазгьы.
Сахьцәывҵази адыд ахьсысызи рҟынтә иааргаз аҟәых­
қәа иныҳәаныԥхьо схы иакәрыхшан, ркәыр­банқәагь
ҟарҵеит.
Ихарамкәа игылаз ахьшьцәа анааиқәа:

– Дызҵәахыз мшәызар ҟалап, ус ҟазҵогьы ыҟоуп...
– Мшәындаз ашьҭа ҟамлоз?..
– Зеиԥш ҟамло иҟоузеи, дыбнауаҩызаргь ауеит...
– Уара, абрагьҩык устәи џьара дышцоз, ас даниба, аҳаԥ
уа иааигәан, ихәозар ҳәа дҭеиҵазар? Усгьы ҟалоит...
– Дабрагьҩызар, анс деиҩырҿахә дцәывҵеиҵозма,
деиҵыхны дыҵеимҵоз, дакуанеи?.. – рҳәеит.
Абрагьи Қәаблыхәи изакәыз рзеилымкааит, аха
сахьцәывҵаз ирбаз ақәтәарҭеи атышеи ргәамԥхазт, адыд
иашьны ирбаз амшә акәзар ҟалап иҟазҵаз ҳәа ақәырҵеит.
Сара иахьа усазҵааргьы, мшәхарушь сгәахәуеит, аха
изакәыз аиашаҵәҟьа сызуаҳәом.
Ҩ - ҞАМЧЫК

М

соусҭ ҩыџьа аԥацәа иман. Аҩыџьагьы аҳәса еицаарган ачара ду руит. Абри ашьҭахь рацәак
мырҵыкәа Мсоусҭ иааиқәшәан дыԥсит. Иԥҳәысгьы,
абас аныҟала, рацәак лызнымҵит, ларгьы иаалықәшәан
дыԥсит.
Еизынхаз аишьцәа рыҳәсақәа мааибуа иалагеит,
аиҿыҵрагьы аԥшьыргеит. Ԥсуа ҵасла хазы ҳәа ацара
зықәнаго аиҳаб иоуп, усоуп ишаԥу. Абрагьы убас акәын.
Аха аиҳабы иџьабаа цәгьан. Рыҩны-ргәара зегьы иаб
днаивагылан инапала иҟаиҵеит, аиҵбы, деиҵбуп ҳәа
дрыцҳашьан рацәак кридыруамызт данхәыҷыз инаркны. Абри иахҟьан, дышнеи-шнеиуаз, акрымура, аашьара ицәа иалалеит, дбаҩданхеит. Уажәы аиҿыҵра аныҟала,
зегьы сара соуп изықәнаго, сеиҵбуп, иҳәеит. Абас-абас
шырҳәоз, убри аҟынӡа инеит, аҩны аарбганы ҩыџьара
ирымшар ада ԥсыхәа амоуа. Ари аишьцәа рҭынхацәа,
риешьара рзы иԥхашьарахеит. Избан уҳәар, акы иамусуп хазы ицо, игылоу ҩнык рбганы игар, иара убригьы
ԥшӡам, аха ус ҟалақәахьеит. Аха араҟа Мсоусҭ икәасқьеи
имаҵурҭеи убас еиԥш еиҿаԥшьны, еимаданы ирԥшӡан

иҟаҵан, игәаӷьны узалакьысрымызт. Ак урбгар, егьи акгьы иаԥсамкәа иҟалон. Анаԥшцәагьы ахыччон.
Ус акәу, анс акәу аб имал ҩыџьара ишаны, аишьцәа
еиҿ­гатәын. Абри азы уахык риешьара еизахьан, аха ир­
зымҳасабкәа даҽазны ҳәа иахыргахьан. Даҽазны захь­
ӡыз ааин ианаарыдгыла, еиҭеизеит. Абра иҟан дара
ирцәыхарамыз, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз аӡәык-ҩы­
џьак раҟарагьы.
– Мсоусҭ иԥара шәаԥсамхеит шәара, ҳаиашьара шәыр­
ԥхашьеит... – иҳәеит риешьарахьтә уаҩы џьбарак даа­
цәажәан.
– Ус ахьԥоуҳәои, урҭ акгьы рхарам... – иҳәеит Чаҵә
Чагә дахьтәаз.
– Изхароу риешьара ҳаума, нас?
– Шәаргьы ишәхарам...
– Дара ирхарамзар, ҳара иаҳхарамзар, рыҳәсақәа роуп,
нас уаҳа дарбану!..
– Урҭгьы ирхаран избом...
– Чагәхеит, зегь ҳабзиазар, изхарада нас?!
– Изхароу дуҭахызар, сара иуасҳәап, – иҳәан, Чагә
иажәабжь дналагеит:
– Ажәытәӡа зны Аԥсны иҵегьгьы ианҟьаҟьаз, ага
инар­кны ҩынхыбра мацарала ацыгәқәа анеишьҭалоз иԥ­
хеибаҵан ашьха ицаратәы еизааигәан иангылаз, ашьха
дынхон аԥсуа хаҵак. Иҩнра-игәара зегь инапала иҟеиҵаз
ракәын: ҩбаны еихагылаз икәасқьа каҷҷо, еихаҟаца,
имаҵурҭа уи иаҿаԥшьны еиқәҟаца, ица ықәԥраауа, ҵҩа
змамыз иԥсаса, ишьамаҟа, иқәаҵа – Анцәа ишиҳәарыз
дыҟан. Убригьы иман ҩыџьа аԥацәа. Ишыҟалалац еиԥш,
анхара аиҳабы иџьабаа рацәаны иадын, аиҵбы насоуп
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3683
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2262
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3647
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3613
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2215
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3759
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2132
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2356
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3624
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3581
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2231
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3571
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2337
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3713
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3623
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2146
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3575
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2293
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2391
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3723
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2236
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2323
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3663
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3428
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1451
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2515
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3728
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 422