LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14
Süzlärneñ gomumi sanı 3575
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2293
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
аҽнышьыбжьон саршьны скаижьуан ҳәа.
– Сыцәгьақәа урыҵалан убра нахьхьинӡа узцозар –
уагьца!.. – даҵамхеит Дыгәгьы. Уигьы каамеҭк иакәзаап.
– Нас, нас, Чагә?! – иҳәеит Маҳҭгьы. – Уажәа иацҵалеи!
– Са ишыздыруа усоуп, Маҳҭы, иара Быҭәа Шьааб
Аҭара излеиҳәоз ала, Нарықь Быҭәбагьы, Ԥақәашь; Ҷу
Быҭәбагьы, Ҷлоу; Авел Быҭәбагьы, Гал уҳәа аҭоурых здыруаз убарҭгьы ус рҳәон, ара Шьаабангьы дақәшаҳаҭуп,
Меҭафгьы, Мысҭаабе ҳәагьы зарҳәоз, дааны даныҟаз ус
оуп ииҳәаз, Абыҭәбақәа зегьы Ԥсҳәы рыҩнду, рџьынџь
ауп. Иахьагьы убра инханы иҟоуп «Быҭәаа ргыларҭа»,
«Быҭәаа рқьабҭақәа» ҳәа аҭыԥ, адгьыл. Зегь раб Қьаламаҭ
Чрыгба, Чыргбагьы рҳәоит, иакәын. Ран – Гәашьасахәа
ма Гәашсахәа Арыҩҭаа-ԥҳа лакәын. Абҭәа, быҭәа – ласа
жәлоуп, ауаса анырсалак, иахьатәиала иуҳәозар, ԥсард
ла иандырҟәыдлак, ирықәырхуа ласоуп, уажә ижәбамаишәаҳама; ауасцәагьы убас ахьӡуп... Аҭәаҵлақәа – ашьха
ҭәа, аиа ҭәа уҳәа рыҟнытә акәзар зҳәоугьы дыҟан. Аха
уи уиаҟара иадгылом. Арҭ аҭәаҵлақәа жәытәӡақәоуп,
рыжәла аныҵхьеит, ианыӡаахьеит, шамахак ада... Сара
издыруа сҟыжәбыжә бызшәақәа рыла Быҭба ҳәоуп
ишырҳәо, урысшәалагьы убас акәзароуп, аха папу сеидроу раԥхьаӡа аӡәы ииашамкәа Бутба ҳәа ианиҵан, ус
иааиуеит... Урысшәалагьы Бытба акәын иаҭахыз, – иҳәеит
Чагә. – Маҳҭы, иахьсцәыхәахәогьы «ыыҟ» ҳәала, мамзар
Дыгә сыҵаирбгоит, – ҳәа усгьы нациҵеит, иагьаарччеит.
– Дыгә иҟаиҵаран дыҟои?!. – дҵааит Маҳҭы.
– Нырцә – дыгә-дыгә, аарцә – дыгә-дыгә!..
– Ацәа уҽоумҭан, амарџьа! Иансырӷәӷәа – убас аӡә
дгарҟьахьеит... – аҭак ныҟеиҵеит Дыгәгьы, рызегь ааибарччеит.
– Уцала, уцала, Чагә, ус уцала, макьана шәҩыџьагьы
шәыбзиоуп! – иҳәеит Маҳҭгьы.
– Ԥсҳәынтәи Быҭәаа Дал-Ҵабалҟа илбааит, Мрамба
ма Бшьыикәара акәу, – инациҵеит Чагә. – Маршьанааи
дареи уаанӡагьы еимабзиан. Аҵыхәтәантәи ахҵәараан
Ҭырқәтәылеи Шьами иагеит. Шьааб иаҳәшьцәа ҩыџьеи
иашьеи ҽнак ала иԥхеит. Убас зыхьқәаз рацәоуп, фатәужәтәу акы иахарарҵон, цас ирзырузаргьы еилызкаада.
Зегьы Қевқен адәаҿы аԥсуаа реилажырҭаҿ анышә иамардеит... ԥшьбаҟа шықәса анҵы Шьааб иани иареи ахьцара шәаны, аидараз аџьықәреи азы иаауаз шхәак аҟны
ааҵәажәқәа рықәыршәны, маӡала Аԥсныҟа ихынҳәит. Аха
Дал – Ҵабалҟа иназышьҭуадаз... Аҭара ианшьа Кәыҵныи
Ҳыџьмаҭ иҳабла аҵыхәан хәы ҭшәак аҟны иҽықәикит, уа
ҳа дгьыл ыҟам анырҳәа, егьырҭ руацәа Акабақәеи Адар
салыиақәеи рахь ацара иан ианылҭахымха. Аха иара
абраҟагьы уаҳԥырхагоуп, ҳамҩа укит ҳәа, ҿыц цәгьала
иргылаз иҩны рблит, иҟазҵазгьы ианшьцәа дрыжәлан
тәызаарын... Убас, егьырҭ мшыннырцә иагазгьы изы
хынҳәыз хынҳәит: аӡә – Ԥақәашь, аӡә – Гал, аӡә – Ԥсырӡха,
аӡә – Дәрыԥшь, аӡә – Гагра зҳәаз еиԥш – иаԥсаҟьеит,
ухынҳәыргьы иахьуҭахыз узынхо иҟазма – ухынҳәы ҳәа
уазҳәада, узусҭада, уабатәиу, ари уусс иалоузеи...
– Уара, арҭ Чрыгбақәазар, Быҭәба ҳәа излаҟалеи, уаҩ
шьроума изыхҟьаз?.. – дҵааит Џьнеи Џьгәаҭ.
– Уи акәӡам, зынӡа ҽакуп. Гәашсахәа лыбаҩлтәымкәа
дыҟан, лцәалтәымкәа. Лбаа акәара-ҵа аԥсҭаҿы ахьшь
цәа ауаса рсон – идырҟәыдуан, рыҳәсақәа абҭәа аӡәӡәара
иаҿын. Ари ԥшак насҿасырсып, изҿугьы, иҟоугьы збап
лгәахәын дылбааит, лмаҵуҩԥҳәысгьы длыцны. Абра,
аҳауа илҿасыз акәу, иаалықәнакын, хшароура далагеит. Ара лара сцәастәым, егьим ҳәа лҽазыҟаҵан дылбаау џьушьо, асҵәҟьа дшақәымгәыӷуаз акәхап, анс-арс
иаҭахқәаз абаҟаз, аҩнынӡа ахаларагь ааигәамзу сеидроу,
ахәыҷы дани даашьҭырхын, абҭәа рыӡәӡәан, иҟәашәза
ибаны ишьҭан, дааларҳәеит. Ашьҭахь рыԥсқәа анеивыр
га, еигәныҩын ихалеит, аха ахәыҷы, аӡҟы аласа илапан, илымҵуа, дхәымбабисаӡа дҟалеит, иагьарччеит.
Нас дырбааӡан акәу, аласагьы амырхт, егьит, Абыҭә ҳәа
хьыӡшьарасгьы иоуит абри иҟалаз аҟынтә. Иара ажә
ҩашәаҟьа аԥшра идыруа, дгьылҵысра ӷәӷәак ҟалан, хымш
шыбжьаз иреиҳәо егьиуа ус дыҟан. Ихылҵыз Абыҭә
иԥацәа ҳәа ицеит, нас Быҭәба ҳәа ишьақәгылт, Быҭәаа
рҟынтә нас Мқанаа, аха уи ҽа жәабжьуп, – иҳәеит Чагә. –
Абриалагьы сажәабжь салгоит, Маҳҭы, зҵаара умамзар,
крацумҵозар.
– Уи ихьӡҵәҟьаз Аҭлаԥсын акәын, – иҳәеит Маҳҭы.
– Аҭлаԥсынражәжәынажәажәажә(а), – нациҵеит Чагә,
иагьаарччеит.
– Аиаша иҳәеит! – нареиҳәеит Маҳҭы, иагьынарза
циҵеит:
– Сабдугьы Аҭлаԥсын ҳәа сеиҳәон, зегь ҳазхылҵыз
ихьӡ абри акәын ҳәа. Атлаԥсын ҳәа усалагьы исазҳәоз
агәылацәа быргцәагьы ыҟан. Ҽнак, абыржә Чагә ишиҳәаз
еиԥш, зегь ҳабду ихьӡҵәҟьа абас акәын: Аҭлаԥсынражә
жәынажәажәа(а) ҳәа насеиҳәеит, аҵыхәтәаны шьоук а
ацырҵон, шьоукы иацырҵомызт, иҳәеит, аԥхьа ҳ зыр-
гылозгьы ыҟан, иҳәеит. «Ҟаҳ, шаҟа иауузеи, уара ари,
иԥшӡаӡам!..» – наиасҳәеит амыждараз. «Аа-ат, уара ахә
лыццы уакәызма ари заҭәазымшьоз?!» – иҳәан, акакеиҳәа
дҩасыҵаҟьан, дааӷьит. Схәыҷуп. «Сара сыхәлаццӡам, ус
зсоуҳәеи?!» – сҳәан, саргьы сгәы иаалсит. «Удухар абри ахьӡ
алоугәалашәаларц исҳәеит!..» – иҳәан, дааԥышәырччеит.
– Даба ишухамышҭуагьы збап! – ҳәа усгьы наци
ҵеит... Уажәыгь исхашҭӡом. Атлаԥсынражәжәын(а), Ат
лаԥсынражәнажә(ажә)(а) ҳәа абасгьы ыҟан, акоуп иҳәеит,
ӡы-мшынын ҳәа рҳәон, абра иқәын, иқәсны ицон,
аиҳабы-аиҵбы ҳәа убарҭгьы ыҟан иҳәеит. Сиргәааит,
умбои, исхамышҭырц, нас ауп цқьа иансзеиҭеиҳәа, ани
ахәышҭааратә исеиҳәаз аԥырхагам, схәыҷын, – иҳәан,
дԥышәырччо иажәа аахыркәшан: – Чагә, Кыҷеи уареи
шәеилгама?! – ҳәа днаҵааит Маҳҭы аҵыхәтәап.
– Ииҳәаз уаҳаит! – иҳәеит Чагә,
– Кыҷа диашан, – иҳәеит Маҳҭгьы. – Чагә аҵәҟьара
агәҭаҵәҟьа ажәаба иҭаиршәит, ақәҵагьы иара итәуп!
Иақәшаҳаҭда?! – инапгьы дааҩахеит.
Зегьы рнапқәа ирҩахеит. Ақәҵа-ԥарагьы Чагә иаԥхьа
иаахан инықәырҵеит. Идырныҳәалеит.
– Жәалагалак сымоуп, иахышәҳәаауа сыздырам, аха, –
иҳәан, Чагә дҩарылаԥшит.
– Иарбану? – дҵааит Маҳҭы.
Чагә, ааигәа игылан аханатә ирзыӡрҩуаз, ҷкәынак уааи
ҳәа дааиваиргылан: – Абри Виктор Кәыкба иоуп, Жәын
дәрыԥшьтәуп, шәаргьы дыздыруа шәыҟоуп, аҵара дҭоуп,
дыстудентуп, аубыхқәа рҭоурых иҩырц иҽазҵәылхны
дашьҭоуп, абри, зегь ҳахьӡала, иара имазааит! – иҳәан,
иигаз ақәҵа – аԥарақәа рызегь – наган иџьыба инҭеиҵеит.
– Ус анакәха, абри, рашы сыӡбалуп, сыкәты иауҳә
ҭасҟьаз ауп, сыхьӡала ҳамҭас иумаз!.. – иҳәан, Аргәын
Дыгә дааин Чагә иаԥхьа еилыбзаауа абырзықь ҭеисԥыҳә
нықәиҵеит.
Уи Чагә дыԥсаанӡагь иман, иныҟәигон, уажә иахьы
ҟоу сеидроу, аха. Ихылҵыз Леуарсеи Жореи рҟынтә ма
ҭа, жәытә ԥсуала иуҳәозар – ԥылҵ, рԥыс ҳазшаз ди
қәимҵеит... Аԥҳылҵ(аԥҳа лҟынтә амаҭа) ӡӷаб дыҟоуп,
Жора иԥҳа, дагьҵарауаҩуп, Лиалиа ҳәа, аха ԥҳәыс ҭеис
ԥыҳә ныҟәылгом, илымҵәахызар. Лԥагьы дыҟоуп Иура
Лазба ҳәа, аха макьана дхәыҷуп. Мамзаргьы Ашәбақәа
рган ахь ала имаҭа Лиуба ҳәа дыҟоуп, Ашәы Уанка иԥҳа,
илԥыхьашәан џьара иҭалҵәахызаргь ауеит. Анҭ рҩызцәа
алафҳәаҩцәа дуқәа, ажәытә ҭоурыхҳәаҩцәа Чаҵә Чагәи
Аргәын Дыгәи ртәы ус идырӡрымызт, иаргь башак
акәмызт. Мышкы зны, уи анакәхоу сеидроу, аха Чаҵә Чагә
имузеи ҳәа, мамзаргь алафҳәаҩцәа дуқәа рмузеи ҳәа,
уаҩы иҟаиҵозар, имаҭәахәхоит.
***
А ҩ б а т ә и а ж ә а б ж ь ҳ ә а ҩ и а ц и ҵ а з:
– Чагә ас аныҟеиҵа, ааигәа шьоук гылан, гәыԥҩык, рџьы
бақәа инарҭалан акааизырган, иааин иаарыдгылт. Арҭ
блабырхәаа ракәзаап: Блаб Казылбақь, Лакр Ҭада, Беиы,
Фаҭ, Хәтыи Тышә, Абыџ Даҳаир, Жьи Жагәа, Барцыц Ксагә,
Дбар Шьрыф, Қрыи Дамеи. Ԥкьын Хазгьари иакәу Ҳанашә
иакәу сгәалашәом, Сақанеи Маадан раԥхьа дгылоуп.
– Уара, Маадан, арҭ блабырхәаа Дәрыԥшьтә уабаргәа
лашәеи? Инеины уааргоу, унеины иааугоу?! – даахәмарт
Чагә.
– Ҳааибагеит! – иҳәеит Маадангьы. Нас: – Чагә, аҵыхә
тәан иҟоуҵаз рбеит, иуҳәаз раҳаит азы абригьы еизыргеит, аҵара иҭоу иҳазиҭ ҳәа убасгьы снапы ианырҵеит, –
иҳәан, ишырбоз еизырган иикыз аԥарақәа наган астудент
иџьыба инҭеиҵеит. Усгьы нациҵеит: – Блабырхәаа убыхә
заҵәык дрыланхон, Ҳамыҭк, ажәытә убыхә ҭоурыхқәагьы
реиҳәон, ашәыҭоурыхқәа, зегь ҳаҭыр иқәырҵон, омакгьы ихыҵуамызт, абиԥазаҵәын, идунеи иԥсахит... Аԥ
сыжраан саргьы сыҟан, – ҳәа усгьы нациҵеит.
– Ихьзеи анаџьалбахит?.. – иҳәеит Чагә. – Ианбаҟалеи?
– Уи шьҭа кыр ҵуеит. Ауха дахьнышьҭалаз, ашьыжь
дзымцәажәо иҿы акны дааԥшит. Анс, арс, мчыбжьык,
мызкы... ҩымз... – ианаму, ани ус ичҳауа дыҟазма, иааи
гәыдиҵан, ихы далгеит.
– Ҳаи, игәнаҳа ақәшәааит!... Иаргьы дыццакцәеит...
– Уара убарҭ шәиԥхьыӡк рышьҭоуп...
– Абри аҷкәынгьы лаԥшхырԥагак ныҟәигалааит, сыр
маншәал ҳәа Анцәа ҳазшазгьы диҳәааит!..
– Ашәиԥхьыӡ сыздырам, аха рӡыхь џьнышк ма ҩысҭаак
дрыцәҭалеит...
– Ус ҟалар, адыд еиманарҷыҩуеит... – ааибырҳәан,
еиқәшьшьы еиқәыӡырҩуа иаатәеит.
– Аҵара, аҭоурых иаҿу абас иааибыҳәан ҳрыцхраа
лар, аиныхрақәеи ачара дуқәеи иахырҟьацәаны ҳаз
рышьҭо... – аҭынчра ааилеигеит Маадан. – Ауаҩы дыԥ
сын дыкҿоуп, ҳара ҳтәаны игәы иқәаажәуеит... Ажәы
тәан ус акәызма?!
– Уи еиҳабык ус акым ҳәа ираԥшьигароуп, аиҳабыра
ахаҵгылароуп, акәымзар... – наиҳәеит Маҳҭгьы.
– Уара, Маҳҭы, Чагә шәҭоурых иагмыжькәа изҳәама?
Иҟаиҵазгьы аабоит, аха дсасуп, егьиуп ҳәа ақәҵа иҭо,
егьиуа ус умузааит?!. – иаарҵәишәа иаархәмарны дҵааит
Маадан.
– Слымҳа ашьаҭала акәын ишсаҳауаз.
– Ашьаҭа ианаҳауаз ақә абаҟаз?!. – иҳәеит Чагәгьы, иагьаарччеит.
– Уи ҽакы иазыӡырҩуан... Уажәтәи аамҭаха, ақәгьы
аҵагьы рыҩбагь аӡәы иазраӡода, иумбаӡои?!. – наиаҭеикит
Маадангьы. – Иуҭаххеит уажәы, слымҳа зегь уара иусҭар,
иузыскыр, нас са исзынхеи?!
– Чагә ҳҭоурых аҷалап еиԥш еиқәшәо иҳәеит, – иҳәеит
Маҳҭы. – Ԥсҳәынтә Быдӷә ҳалбааит, уигьы уахьоуп, ла
дахьҟа, нас – ишиҳәаз. Амала Бзыԥҭаҟа, Асԥаҟа, Гаграҟа
ицақәазгьы ыҟан, ажәытә хҵәарақәа, амҳаџьырра иқәыр
геит акәымзар. Аҵыхәтәантәи аан, 1867 шықәсазы, Кәыд
ры аԥсҭа Мрамба ҳәа Чагә дахьаҿызнтәи иагеит Еқәыԥи
(Шьааб ҳәа Чагә зыӡбахә иҳәоз иаб), Жьгьарии, Шьаиби, Аслани, Ҳасани, Фафеи рҭаацәарақәа. Урҭ рашьцәа рахьынтә
убри ашықәсан Ҷлоунтәи иагеит Гьадлачи Езқьарии.
– Дал иахьаҵанакуазынтәи уаҳа ицада, иагада? –
дҵааит Маадан.
– Ирацәаҩуп.
– Усгьы?.. Даргьы хырҵәаны иаго, рыхьӡгьы ҳамҳәо, иаҳ
гәаламшәо, ус Анцәагьы игәы иахәом... – иҳәеит Маадан.
– Дал – Амчара ақыҭантәи иагеит: Аслангьри, Бал
хәыхә, Ҳәсыин, Уасман, Раџьаб, Сауфадан, Кадыр, Гьадлач, Ҳаџьмаҭ, Хәсыин, Шәлыиман, Азнаур, Ҳаџьадла,
Ҭырқәбеи, Ҳанашә, Џьанҳәаҭ, Қәаблыхә, Ҳасан, Мамсыр,
Осман, Саурадан, Дгьыреи, Шьаруан, Быинагә, Ҟазыл
бақь, Быирам, Аҳмаҭ, Маҭ, Аџгьери акәу Ҳангьери акәу...
рҭаацәарақәеи дареи; Азанҭҳантәи иагеит: Быирамалии, Езыи, Аҳмаҭи, Османи; Наӷәышынтәи – Кәадац;
Дгьанҵәышынтәи – Џьаныџьым; Абгыӡрантәи – Кьамсыс;
Ажарантәи – Сасрыҟәа; Зымантәи – Фат Быҭәҟәых, усгьы
ыҟан, рҭаацәарақәеи дареи... Ари сара иахьынӡаздыруа
ауп... Амҳаџьыр ҳәа иаҳҳәо омакгьы ииашаӡам, уи зыхьӡу
адин азы ихҵәаны ицоу иоуп, арҭ рықәҵра, рыхҵәара аибашьроуп изыхҟьа, хҵәаҩцәоуп, адин азы ҳәа рыԥсадгьыл
кажьны имцаӡеит... иржьаз аӡә даламшәазар... Ажара,
Чҳалҭа инаркны наҟ Аӡӷара аԥсҭа, Чҳалҭа аԥсҭа, жәытәла
иуҳәозар, Ҳаҭшеи... иҭанхозгьы заа иқәҵхьан...
– Чагә, уара утәқәа аӡәгьы дамгаӡеи мшыннырцә? Иахьа уараӡәк уҭаацәарада Чаҵә ҭӡы уаҳа Аԥсны иҟаӡамеи?
– Кәыдры аԥсҭа Амтҟьали Шәхәаҵаа Рҳаблеи рзааигәа
Ақыҭарҵыхә ҳәа қыҭак ыҟан, убрантәи аҵыхәтәантәи аан
ицеит Ҳаҭи, Маци, Кәаҷапи, Фафеи Ачаҵәбақәа рҭаацәеи
дареи – инхан иҟаз ахәыҷгьы уа иаалгеит... – иҳәеит Чагә.
– Абри аамҭаз гәыԥҩык аҷкәынцәа: Енықь Ражьдени,
Лакәоу Никәалеи, Арӡын Григории ааин иаарыдгылан
Лакәаба дааит рҳәеит. Итәазгьы агәырқьҳәа иҩагылан
зегь уахь иаанаԥшит. Шьҭа аҽырыҩра иалагон, акәымзар
саргьы иҵегь сҳәараны сыҟан, аха иааг.
ЧАҴ Ә ЧАГӘ М Ы ҚӘАШ ҬАН , М АМ ЗА РГ ЬЫ
Б АҚА ИԤА ЗАУ Р АХԤАТӘИ И АЖӘА Б ЖЬ
А
ри – Аԥсны ахьԥшымра, ахақәиҭра аиура хәы
шықәса ахыҵра амш азоуп, Аԥсны асовет мчра
анышьақәгылаз арыцхә ала. Мықәашҭаҿ ажәлар реи
зара ыҟан, аҽырыҩрагьы мҩаԥыргон. Уи ашықәсан
хәажәкырамза алагамҭа бзиан, амра кажжы, ашәаԥы
џьаԥ шындәықәлара рҽырхианы игылан. Уачамчыратәи
ажәытә ҽырҩырҭа Лоуны ҳәа изышьҭаз адә ду узырбодаз, уа игылақәаз алакациа дуқәагьы надкылан амшын
иагахьан. Уажә ара Мықәашҭаҿ абжьыуаа хар змам аи
ҳабацәагьы еизеит: Ашәы Ҳабыџь, Ашәы Ҭамшьыгә,
Багаԥшь Саид, Ҷаныи Қьаламаҭ иԥа Аслан, Наҷҟеибыи
Кадыр, Кәаӷәаныи Кәасҭа Хәыҷ, Бебеа Қәаҭа, Ануа Есҳаҟ,
Быжьнеи Шҳангьари, Занҭарыи Лажәа, Киут Хәымпыл,
Быҭәа Шьааб, Кәыҵныи Шьаабан, Ҷан Кәагә, Ҷаны Хабыгә,
Кәакәа Кадыр, Кәакәа Сҳандыр, Аҩӡы Кадыр, Гогәуа
Қьмышь, Ԥлыи Шьханыҟә, Мнеи Ҳанашә, Быҭәа Ҷу, Харчлаа Еқәыԥ, Латарыи Шьака, Арыш Шәлиман, Шапковски
Џыџ уҳәа; Чаҵә Чагәи сареи ҳаицнеит... Ус ҽуардынла иаакылсит Аргәын Дыгәи Амаба Кьагәеи. Гәдоуҭаа анааба
ҳреигәырӷьеит, шәаҳзаазгазеи ҳәа ҳагьынаразҵааит.
– Аҟәа ҳаҟан, арахь Мықәашҭан аҽырыҩра аӡбахә
анҳаҳа ҳаакыдгылт, шәаабарц ҳааит, – рҳәеит. Нас Дыгә
даацәажәан: – Уара, Чагә, Лыхнашҭан аҽырыҩраҿ уаныҟаз
Кьагәа кыр иоуҳәазма? – иҳәан, днаҵааит.
– Мықәашҭан аҽырыҩра аныҟоу унеи, ушҳадаҳкыло
гьы убап, сызҵаарақәа рҭакгьы шыҟоуҵо збап ҳәа абас
иасҳәеит, уаргьы иумаҳауаз? – иҳәеит Чагә.
– Нас, ус акәзар, аа ҳахьыҟоу, ҳааит!
– Уи уажә ҳалагар, аӡбаҩ далхтәуп, ицхырааҩцәа алх
тәуп, жәаҩык алафҳәаҩцәа алхны иртәатәуп; алафҳәаҩ
цәа мачхәума, иҳамоуп, аха аицлабра, аисара амҩаԥгара
ҩба-хԥа рҟынӡа сааҭ ҳадхалар ауеит, шьҭа ҳзахьӡом, аҽы
рыҩра иаҳцәалагоит, – иҳәеит Ашәы Ҳабыџь.
– Диашоуп!
– Диашоуп!.. – ааилдыргеит Мнеи Ҳанашә, Бебеа Қәа
ҭа, Аҩӡы Кадыр уҳәа.
– Чагә, уара иахуҳәаауазеи?.. – дҵааит Дыгә.
– Ирҳәаз ишырҳәаз ауп, заа шәаазҭгьы ҳманшәалахон.
– Ҳанзырхазгьы ак ҟалеит, аха шьҭа даҽакала ҳаил
гаргьы алшоит, уақәшаҳаҭзар? – иҳәеит Дыгә.
– Уи арбану?
– Иркьаҿны алаф зҵаарақәа жәаба уаҳҭоит, уаргьы
иркьаҿны рыжәабагь рҭак рлафны иҟоуҵоит, аамҭагьы
маҷны иагоит, алафҳәаҩцәа жәаҩык рыртәарагьы аҭах
ӡам, ҳаргьы ҳааилнаргоит.
– Уара, ари уа Лыхнашҭан шәизҵаауа, араҟагьы иара
шәизҵаауа, иарбан ныха кылҵәоу ихарахаз?! – иҳәеит
Ашәы Ҭамшьыгә дааԥышәырччан.
– Ибзиоуп, ус анышәҭахха, убригь сақәшаҳаҭуп, аха
ақәҵа аажәгама? – нареиҳәеит Чагәгьы дԥышәырччо.
– Ақәҵагьы ҳамоуп, уи, узиааир, иуаҳҭоит, амала Ды
гәи сареи еиҭныԥсахлан ауп ҳашузҵаауа, уара иаразнак
уамкыкәа аҭак ҳауҭалароуп, убригь лафзароуп, уақә
шаҳаҭзар, – иҳәеит уажәы Кьагәа, иагьнациҵеит: – Шәҭа
хызар, хҩык аӡбаҩцәа алшәх, иҟазааит, алаф анакәха, ҳарҭ
ҳганахь ала макы ҟалаӡом, аха, – ҳәа.
– Чагә, уаргьы қәҵак ҟоумҵар аурым, абарҭ ужьаны
убырзықь ҭеисԥыҳә уцәырымгааит!.. – иҳәеит Ҷаныи
Қьаламаҭ иԥа Аслан.
– Уи ҳамҭас Дыгә исиҭеит, шьҭа игаҵәҟьозаргь игааит,
– иҳәеит Чагәгьы. – Уганахьалагьы ақәҵа аҭахуп рҳәозар,
ара сыҟоуп.
– Ақәҵа ҳҭахӡам, ҳара хьыӡрацара ҳааит! – даахыхә
март Дыгә.
– Хьыӡрацара ицаз дышԥааргеи? – дҵааит Чагә
дԥышәырччо.
– Ҽадаиала, – иҳәеит Дыгәгьы, иагьааибарччеит. Нас
иагьнациҵеит: – Аха ҳара ҽадала ҳмааӡеит. Ажәытәан
амахҽ ҽа хьӡыкгьы аман рымҳәози, аҽадаиа зыхьӡыз
махҽжәлан; аҽадаԥа – уи иԥа-ԥо, ишьҭыԥа-шьҭыԥо иҭ
рысуа иныҟәон. Аха урҭ уажә ара Аԥсны иҟаӡам, иабаҳҭаху.
Ажәакала, Кәакәа Кадыри, Занҭарыи Лажәеи, Ҷан Кәа
гәи ӡбаҩцәас иладыртәан, аисарахь ииасит, Кьагәеи Ды
гәи еишьҭаргыланы азҵаарақәагьы рҿаадырхеит:
– Кәрыкь Фаф Ӡаԥшьиԥа Қәмаџь данирҳәҳәаз рҳәоит
ҳашҟа, избан? Изыхҟьеи?!
– Инацәкьыс ашә иавҵаирхеит.
– Лыӡаа рҭыԥҳа Аҟәлан Аҟәланқьари дызирымҭеи?
– Иаашьаны.
– Инаԥҳа Кьагәа дызирҭеи?
– Аҟәлан Аҟәланқьари Кәланырхәатәын, Наԥҳа Кьагәа
Калдахәара дынхон. Калдахәара Лӡаа иаҳа иазааигәоуп
азы Кьагәа днаган дирҭеит.
– Кьагәеи лареи бзиа еибамбаӡоз, Чагә?
– Лыӡаа зыраашьазеи зышәгәахәуа?!.
– Аҽаԥа-Џьамхәыхә дышнеиуаз иибаз ацәаӷәаҩ дишь
ҭагылан агәалқәа зегь ыфо, амла-амла ҳәа иҳәҳәо ицоз
ауаҩ ус зыҟаиҵоз?
– Дашьцылахьан!
– Уаҳа?
– Насгьы Аҽаԥа-Џьамхәыхә дахьцоз ҩызас дигарц
иҟаиҵон.
– Аҽаԥа-Џьамхәыхә егьи иибаз ауаҩ, арҩаш иаҵагылан
ззегь зҿы иҭаҭәоз, аӡба-аӡба ҳәа дзырҳәҳәоз?
– Даҵагылан арҩаш зегь иҿы иҭаҭәозҭгьы ибжьы злаиргоз? Даҵԥан акәын дшыҳәҳәоз, Мықәашҭаҿ ираҳап
ҳәа. Нас дырҩегьых даҵаԥалан ижәуан.
– Баӷь иԥа Ԥара аибашьраан ахаҳә еиқәаҵәа ду иҽа
важьны дхысцыԥхьаӡа аӡәк длаишьҭуан. Иара дзакә
уаҩыз?
– Дуаҩеиқәаҵәан.
– Уаҳа?
– Ауаҩеиқәа Хаџьаџьа дитәын. Сибап, игәы иахәап ҳәа
иҟаиҵон.
– Фахьамшәеи Уалҭамыжьи анышәынҭраҿ еимарки?
– Амаҵура аахәага.
– Сашә Моураҭи Гьаш Маҳмыҭи нырцә-аарцә ихықә
гылан ҿыҭны еибырҳәозеиз?
– Уи Гьазырдаа Мзалеи шәизҵаар ишәеиҳәап.
– Избан уи?
– Илымҳақәа ҵаруп.
– Уаҳа?
– Дыргәылоуп.
– Аҭара, Доуҭеи, Кәакәаа рхәаны, Кәакәа Кадыри Кәа
кәа Сҳандыри ирҳәаз ҳәа кры уаҳахьоума?
– Ҳахьӡқәа еихаршалоуп, рҳәеит.
– Уаҳа?
– Абри заҳан изҳәара, аҳашҳатәарахара ацынхәрас,
ԥаҭхь дук ихашәалааит ҳәа усгьы ацырҵеит.
– Изаҳада? Иуазҳәада?
– Ахәыҷы, Алықьса Кәакәаба, ашҭаҿ дахьыхәмаруаз.
Уи иоуп акәымзар са исазҳәодаз, шәарҭгьы ишәазҳәодаз.
Ахәыҷы ииҳәо иашоуп.
– Гәбаз Гәыгәи Чыкәбар Шачи лафҳәаҩцәоуп, аха еиԥ
шымкәа ирҳәоит, изыхҟьеи?
– Гәыгә дкьаҿуп, Шач даууп! Гәыгә Мгәыӡырхәатәуп,
Шач Калдахәаратәуп.
– Аҳ иԥа иԥсылмыткны атыш иҭажьыз апҳәызба-лаша
даниба, далихырцгьы лгәы данкыдсыла, акараҳәа илыҿ
шәаны икашәаз закәыз, насгьы лара дызусҭадаз?
– Мацәазу џьышәшьоит – алаф лыҿшәаны акәапаҳәа
икашәеит; лара Ҳаџьымаа Ахҩеиҳәшьцәа алафҳәаҩцәаахьӡыртәыҩцәа Реиҵбы лакәын. Ихашәымҵозар, уи уа
жәыгь дыҟоуп.
– Аџьныш атыш дҭацалан дахьҭакыз маӡала данҭыҵ,
Аԥеҳамбар аԥсуаа дрылалан ишԥареиҳәеи?
– Ҳат абаақәа, шәыкәша шәаԥшла, аџьныш атыш
дҳацәҭыҵын дшәылалеит, шәеичырчаны шәеимирсааит
ҳәа реиҳәеит.
– Уаҳа ииҳәеи?
– Аҩны днеины дымҵааӡакәа шәаазеишәақәа дрықә
гыланы, Напкылҵәа – Цәаблаҟә леиԥш, уахынла шәимыр
цәогьы далагоит. Имыцәаз рызегь аӡәаӡәала ма ихәаҽ
уеит ма тәыс иҟаиҵоит, абаак, аҿаргьы абри рдыруазааит
ҳәа иҳәеит, иҳәеит.
– Изҳәада?
– Ҳәыни! Аԥеҳамбар даҽакгьы иҳәеит, аха... – иҳәан,
Чагә дааԥышәырччеит.
– Ыы, уи арбану?
– Аргәын Дыгәи Амаба Кьагәеи шәызҵаарақәа ха
ҭәааит, егьрыцышәҵеит, шьҭа уаҳа еиҵашәымкәаҳан,
иазшәырхар акәзароуп ҳәа убасгьы иҳәеит ҳәа рҳәеит
иҳәеит.
– Уи уара иуазҳәада?
– Кәрыкь Фаф, Ӡаԥшьиԥа Қәмаџь дирҳәҳәаанӡа. Кьагәа
днеин аҽыуардын ахьгылаз ԥаҭхь дук хьӡыркны иааҭи
ган, иааган дҩахан иҩнапык рыла Чагә инеииркит. Саргьы сгәы иаахәан, зегьы ишырбоз, скоукоу уапа шкәакәа
ҳамҭас Чагә исҭеит, имазааит. Исҭаххар, ауаара имасхлап!
Абри аҩыза ажәабжь сеиҳәеит Бақа иԥа Заур. Уи иабду Нарықь иҳәамҭаны иаб Бақа иҟынтә иаҳаит. Ӡәыр
иҭаххозар, абра иҟоуп. Инсыжьуеит. Ирызныжь иҳәеит.
З ЕГ Ь РЕИҲА
И ХААУ
–А
дунеи аҟны аханқәеи аҩнқәеи рацәоуп: аду
уҭахума, ахәыҷы уҭахума, ажәытәтәиқәа, аҿа
тәтәиқәа зҳәаз еиԥш. Убарҭ рызегь иреиӷьу арбану? –
Чаҵә Чагә иазҵааит ҽнак зны.
– Ухатәы! – иҳәеит.
– Ус акәзар, убри ухатә ҩнаҿы зегь реиҳа ихааузеи? –
рҳәан, еиҭаиазҵааит.
– Ухатәы бызшәа! – иҳәеит Чагә. – Уи абри ҳадунеи
аҟны зегь реиҳагьы ихаауп!
АЦӘ ЫӠҚӘА
ИРЕИҲАУ
–Ч
агә, абри ҳадунеиаҿ ҵәыӡс иҟоу зегьы иреи
ҳаузеи? – ҳәа иазҵааит ҽнак.
– Ухатәы бызшәа, – иҳәеит. – Уи зцәыӡыз инаур ауп инхаз, – ҳәа усгьы нациҵеит.
– Зегь реиҳа иашоу арбану, ма иҵәыҵәу, – рҳәан,
еиҭеиазҵааит.
– Хатәы бызшәала ҵара уанақәиҭым, уи ацынхәрас
ҟаҟатәыс иумҵарҵо акәалаа, – иҳәеит.
КӘ ЫМЧЫ Ҷ ЧАГӘ
ДШАҴ АИ РХАЗ
Гә
аныи Кәымчыҷ Уачамчыра дынхон. Уи шәкы
рҟынӡа даннеи, ихы дзамыхәо аиарҭа дылахеит.
Аԥсуа изы шәкы аиарҭа дыланамырхар акәын, аха ари ус
иҟалеит.
Ҽнак Чаҵә Чагә Кәымҷыҷ дибарц дыҩхалеит. Иара
ҩбаны еихагылаз ахьатә ҩны, амшынгьы иазааигәаны,
изгылан. Кәымҷыҷ иԥҳа Гәил лықәрагьы шьҭа имаҷмызт,
аха хаҵа дымцацызт, алафгьы лҳәон, лаб дидтәалан. Уажәы
иара дыцәан. Аҩбатәи аихагылаҿ акәын дахьышьҭазгьы.
– Чагә, ахаан иумаҳац акы усырҳауозар исуҭоузеи?!.. –
лҳәеит.
– Ҟоҳ, усҵәҟьа былшозар, ана Ҷаралаа рыдәқьан аҟны
абырфын касы бзиақәа збон, ак бзаасхәоит! – иҳәеит. –
Баҵахар, акәты сзыбшьуеит! – ҳәа усгьы нациҵеит.
Еиқәышаҳаҭхеит.
Гәил Кәымҷыҷ даалырԥшын:
– Даба, Чагә, ари уиазҵааи, уан илыжәлаз ҳәа, игәа
лашәозар?! – лҳәеит.
– Кәымҷыҷ, уан илыжәлази? – иҳәан, дҵааит Чагә.
– Ишԥоуҳәеи?!.
– Уан илыжәлааз, уан?! – идуны дҵааит Чагә.
– Џьыншьалын, – иҳәеит Кәымҷыҷ.
– Бара, ари идыртеи?! – налеиҳәеит Чагә.
– Шьҭа уԥҳәыс илыжәлааз ҳәа уиазҵааи!.. – лҳәеит
Гәил.
– Уԥҳәыс илыжәлааз, Кәымҷыҷ? – дҵааит уажәы Чагә.
Кәымҷыҷ маҷк даахәыцын:
– Џьыншьалын, – иҳәеит.
– Ҳоуп, рацәа исхоурбгеит, ас здырызҭгьы, акасы уара
иузаасымхәозиз!.. – иҳәеит Чагәгьы.
КӘ ЫМҶЫҶ Ч АГӘ Д Ш АИ Р И ААИ З,
МАМЗАРГЬЫ АМ ҞӘЫ БА ЕСН АГЬ
А ӠЫ ААНАГ О М
М
ызкы аҟара ааҵхьан Чаҵә Чагә Кәымҷыҷ дибарц
деиҭанеит. Уажәы Кәымҷыҷ ус дҭанагалашәа ды
ҟан, аха дааԥшуан.
– Ҳаиҭеисап, Чагә, уҭахызар, ԥаса еиԥш, иани иԥҳәыси
рыжәла игәалашәозар ҳәа; уаҵахар – уажә ашьал сзаахә,
уа Ҷаралаа рыдәқьан аҟны иҟоуп, саҵахар – ҽадак иа
ҟароу арбаӷь дук сымоуп, иузысшьуеит! Усгьы сыкәтқәа
ықәнаргылом, – лҳәеит Кәымҷыҷ иԥҳа Гәил.
– Бара ишԥазыбҳәо: «игәалашәоит» акәу «игәалашәом»
акәу?
– Издырӡом, игәалашәаӡом!
– Сара уажәы «игәалашәоит» сҳәоит!
– Ус акәзар, нас уиазҵааи, даба.
– Кәымҷыҷ, исҳәоу уаҳауама?!. – иҳәан, ибжьы рдуны
дҵааит Чагә.
– Иуҭахузеи?!.
– Анкьа улафҳәаҩын, угәалашәома?!
– Исуҭар, исымҳәои!
– Уан илыжәлаз схамышҭи, иахәац, уажә иугәала
шәозар?!
– Џьыншьалмыз, – иҳәеит Кәымҷыҷ.
– Уԥҳәыс дзыжәладаз?..
Кәымҷыҷ инапы ырҭрысны иҩцәыҵган Гәил иҩа
лықәирххан:
– Аа лыԥҳа бзиахә дахьгылоу, илзымдырӡои, улазҵаа!
– иҳәеит. Ирҳәоз иаҳауазаарын, длызгәаан дыҟан.
– Ҳаи, Анцәа уиныҳәааит, Кәымҷыҷ, ԥаса исхоурбган,
аха иахьа сҽы ишԥоургеи! – иҳәеит Чагәгьы. – Уаргьы саргьы ҳарбаӷь ашԥы уа иутәуп! Гәил аҵәынҵәлаӷь лаҳҭап!
ЧАҴ Ә ЧА ГӘИ ЧАЧ ХАЛ ЕИ АУ ГЬА Н И,
МАМЗАРГЬ Ы АШ ӘҞӘЫ ЗШ Ы Ш УА З
Ҽ
нак зны Чаҵә Чагә Уачамчыра ақалақь далалан
дышнеиуаз, данынаԥш, аӡәы ҩнык аԥхьа ажра
дхықәтәалан агәашә азааигәа, ицанапык ала ихықәдаз
аанда абыца ахеиҵоит, егьи инапала шәҟәык икуп, ишьам
хы иқәкны иаартны даԥхьоит.
Чагә имҩа уа иавган иган, иибаз данааивала, дааҭгы
лан: – Уа бзиа ууит! – иҳәеит. Егьигьы аҭак ныҟеиҵеит,
аха дызҿызгьы даҟәымҵит, даланагалан даԥхьоит, аанда
гәынхәҵысҭала даҽа быцакгьы нахеиҵеит, ишышуеит.
Ари Чачхалеи, Чачхалыигьы рҳәоит, аҩбагь ӡыхьӡқәоуп,
Аугьан иакәзаап.
– Узҿу закәызеи?!.. – иҳәан, дԥышәырччо дҵааит Чагә,
арҭ еибадыруазаап, Аугьан акыр деиҵбын умҳәозар.
– Ашәҟәы сшышуеит!.. – иҳәеит Аугьан.
– Ашәҟәы ушышуоу аанда уаԥхьоу?!
– Абра абыржәы умааизҭтьы аандагьы саԥхьон!.. –
иҳәеит Аугьангьы дԥышәырччо. Уигьы длафҳәаҩызаап.
Нас дҩагылан Чагә имахәар лҭарс аҩныҟа днеигеит.
Ашәҟәы зшышуази аанда иаԥхьози иагьа лаф ржәит,
ҳара иҳазырбодаз акәымзар.
VII
Чаҵә Чагә
Ирзеиҭеиҳәоит
АԤСЫЦӘ Г ЬАРА
У
сҟан ашьоура аԥырхразы ҳәа акомиссиа ыҟан.
Уи далан, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз абыргцәа
аӡәырҩы реиԥш, Чаҵә Чагәгьы. Аҽны убри акомиссиа иалаз Аҟәа еизарак рыман. Чагәгьы абрахь дааит.
Аизара ианалга, маҷк сыԥсы ааиҭаскып игәахәын,
ақалақь баҳчаҿ ҵлаԥшӡа ҳаракык иамҵаҟаҵаз арымӡ
хәхәа ду днықәтәеит Чагә. Ааигәа убас даҽа рымӡкгьы
ыҟан. Уа иқәтәаны акы еимакуа иалацәажәон ҿарацәак.
Чагә днарзыӡырҩит. Урҭ Ашьхаруаа рышкол аҟны аҵара
зҵоз ракәзаарын, ауаҩытәыҩса игхақәа ирылацәажәо
еимаркуан. Заҟа имоузеишь урҭ ауаҩы? Гха змамкәан
ҳәа иҟоу ӡәыр дыҟоума? Руаӡәк Чагә днеизыԥшит. Нас
дҩагылан дааин, аҭамзаара шьҭаҵо, дҵааит.
– Шәара шәжәытә уаҩуп, абра еимаҳкуаз шәаҳауан,
акры збахьоу ажәытә уаа ҳаимак иахырҳәаарызеи? Ауаҩы
далагар, игхақәа зегьы изкажьру?..
– Ибзиоуп, дадраа, шәынсазҵаах, шәызҵаара аҭак
шәысҭап, сабду Џьабас иҳәоны исаҳахьаз акы шәзеи
ҭасҳәап, уи нас шәара шәазхәыц, – иҳәеит Чагә. Абар уи
ииҳәоз:
– Зегьзылшо злыԥхаҳаура адгьыли аӡи аниша ашьҭахь,
зыԥс ҭоу зегьы ықәицеит. Нас урҭ ақәрақәа рзыԥҵәара
хьы диасит. Аҵыхәтәан ауаҩи, алеи, аҽадеи, амаамыни,
акәуеи рыҟны дааит.
Зегьзылшо, егьырҭ зегьы ишреиҳәаз еиԥш, убарҭгьы
адгьыл аҟны ирыԥсҭазаашьахоз атәы реиҳәеит, нас рықә
рақәагьы нариҭеит.
– Ауаҩы, уара, ԥшьынҩажәижәаба шықәса усҭоит; ала,
уара – ҩажәа; аҽада – ҩажәижәаба умаз, амаамын, уара –
ҩынҩажәа; акәуа, уара – ишхышәу иусҭоит, хышә шықәса
уҟаз. Иахышәҳәаауазеи, ӡәыр гәала унаҭома? – иҳәан, нас
днаразҵааит.
– Зегьзылшо, сара исымоуп агәала! – иаразнак даа
цәажәеит ауаҩы. Агәала сҳәахт, гәалаӡам, акы еиԥшым
кәа суҳәарц ауп. Иҟалозар, исуҭаз даҽа жәаба сзацҵаны
шәкы исызҭартәа! Шәышықәса сымаз!
Анцәа дақәшаҳаҭны ихы ааирҵысит.
– Ибзиоуп, ауаҩы, даҽа жәаба са стәқәа узацысҵоит,
иумаз! Уара, ала, иуҳәоузеи, ҩажәа узхома?
Ала, агәы намӡо, ҿаанаҭит:
– Иазызуазеи исышәҭаз аҩажәа шықәса, шьапыла
исыцәхасуа, лабала срыпҟо?! Слахьынҵа зеиԥшрашәтәыз
ала, жәабагь сызхоит, уаҳа сҭахым!
– Арҭ ажәаба, ала иаҭахымзар, сара исышәҭ, уаа Анцәа ду!
– иҳәеит ауаҩы. Анцәагьы днақәшаҳаҭхан ихы ааирҵысит.
– Саргьы ҩажәижәаба аҟазаара сҭахым, – иаацәажәеит
аҽадагьы. – Изысҭахузеи, аидара хьанҭақәа сыбӷа ԥырҵәо,
аашьаҩцәа сықәыртәаны иго? Ҩажәижәаба шықәса дуӡӡа
ас изычҳауада, сҟәаҟәа ԥырымҵәои! Суҳәоит, жәаба сзахыхны ҩажәа шықәса сызныжь!
– Зегьзылшо, аҽада иаҭахымхаз урҭ ажәабагьы сара
исышәҭ! – Анцәа деиҭаиҳәеит ауаҩы.
– Ига, иусҭеит! – иҳәеит Анцәа. – Уара, амаамын, уаргьы иугәамԥхаӡои ҩынҩажәа иусҭаз?
– Исгәаԥхаӡом! – аҳәеит амаамын. – Ҩынҩажәа шықәса
дуӡӡа шәара исышәҭаз ахаҿкылгәыгә-мылгәыгә аҩыза
уманы узлаҟазаари?! Ауаа шарамшақәаҵәҟьагьы схыччо, ахәыҷқәа схыччан ахаҳә садырго, алаба сгәыдырҵо!
Иҭабуп, ҩынҩажәа сҭахым, ҩажәижәаба сымаз!
– Урҭ ажәабагь сара исымаз, иҟалозар!.. – Анцәа деи
ҭаиҳәахт ауаҩы.
– Иумаз, нас! – иҳәеит Анцәа. – Акәуа, уара иуҳәозеи?
Хышә шықәса адгьыл ақәзаара уақәшаҳаҭума?
– Қәшаҳаҭхашьа сымам! Хышә шықәса дуӡӡа аӡмах
қәа сырҭазарцу? Ҩышәи ҩынҩажәижәаба сышәҭ!
Ауаҩы дахьгылаз Анцәа деиҭаиҳәеит:
– Акәуа аҩынҩажәижәабагьы сара исымазааит, баша
изыӡрызеи?!.
– Ибзиоуп! Уаазыҳәаз зегьы умаз, иусҭеит, аха иудыр
уаз, раԥхьатәи ажәаба рыда егьырҭ зегьы, грак-грак рыцуп, – иҳәеит Анцәа, ауаҩы иԥсыцәгьараз дахьирхәырц.
Убас иагьыҟалеит. Ауаҩы ԥшьынҩажәижәаба дырҭыс
ны шәкы рахь дандәықәла, нцәаҵас ихәаԥшуеит, дбырг
ҟәышуп, дҳалалуп, ддыруп. Абас дыҟоуп Анцәа иара итә
қәа ииҭаз ажәаба нҵәаанӡа!
Шәкы дырҭысны иҿанынеиха, дшажәыз, дышкәада
хаз ибоит, аха игәы уи ауам, аицҳара иалагоит. Абри иах
ҟьаны иаргьы аӷьрақәа ҵигоит. Абас дыҟоуп ала атәы
ииҭаз ажәаба нҵәаанӡа. Ари раԥхьатәи гхоуп.
Шәи жәаба инадыркны шәи ҩажәа рҟынӡа, аҽада иа
тәыз ашықәсқәа ниҵуаны, ихшыҩ иагхоит. Ари аҩбатәи
гхоуп.
Шәи ҩажәеи шәи ҩажәижәабеи рыбжьара, амаамын
ашықәсқәа ниҵуанаҵ, хәарҭа имамкәа дхәоит, иԥшра еицакуеит. Ари ахԥатәи игхоуп.
Шәи ҩажәижәаба дырҭысны наҟ данықәла, акәуа еиԥш
ԥшьынаԥха аныҟәара далагоит, нас ииарҭа даалахоит...
Ари аԥшьбатәи игхоуп.
Аха, дадраа, шәара ишәҭахын гха змам уаҩы дыҟоу
дыҟаму атәы. Ишәасҳәоит: дыҟоуп! Уи, ауаҩытәыҩса ици
шаз агхақәа раԥхьатәи рҵаҵӷәы дырны, аханатә инаркны,
зхы ацәызыхьчо иоуп.
– Сара излеилыскааз ала, ауаҩы гха дуны имоу иԥ
сыцәгьароуп, – иҳәеит иӡырҩуаз халаҟьак.
– Ииашоуп, иԥсыцәгьароуп! Аха аԥсыцәгьара агха ду
еицәоуп, чмазара бааԥсуп. Аџьныш ихәыцын, ауаҩы,
имырбаӡакәа, инаган икәа иҭеиҵеит ҳәа абас иҳәон сабду Џьабас. Ари ачымазара, аԥсымҭәра захьӡу, изыхьны
иалҵуа ҳәа даара дмаҷуп, хәарҭа роуам: шьоукы лаҵас,
шьоукы ҽадаҵас, даҽа шьоукых маамынҵас иҭанархоит.
Заҟа шықәса рхыҵуагьы иахәаԥшуам.
АТЫ АЛА АН ОУ,
АЏЬЫМШ Ь И АҲӘО Н
–А
ԥсуа жәаԥҟақәа рхы-рҵыхәа такә удыруеит,
абри аты ала аноу, «Аџьымшь, аџьымшь!..»
– аҳәон ҳәа аԥсуа иажәаԥҟа абантәааи? – инаиазҵааит
Чагә зны.
– Уи шыҟалаз ҳәа сабду Џьабас иҳәоны исаҳахьаз
абри ауп, – дналагеит Чагә: – Злыԥхаҳаура, иишашаз
шаны, зегьы рыԥсы ҭаҵаны данаалга, аԥсаатәқәа драз
ҵаазаап шәхы шԥажәбои, зегьы шәызлаҟақәоу шәгәа
ԥхома ҳәа.
– Сара схы рацәак исгәаԥхом, избанӡар, аԥсаатәқәа
зегьы ҳаблақәа ҳлымҳа ашьаҭа ирзааигәаны, ҳхы ава
рақәа рыҟны иҭоуҵеит, ҳаблақәа аҩбагьы рыла аӡәгьы
ҳазихәаԥшӡом, ҳаԥхьала иааиуа ҳхы ырҵәины блак алоуп
ҳазлаихәаԥшуа, мамзар цқьа даабом, са сахәом ари, схы
ҟәазцәоуп арахь, егьырҭ рыхқәа хәыҷуп, иахьырҭаху им
ҩанырҵоит... Абри аҟынтә ауаҩы иеиԥш сыблақәа саԥхьа
иҭаҵа, саԥхьала иааиуа уаҩҵас дызбалап! – ҿаанаҭит аты,
Анцәагьы днақәшаҳаҭхеит.
– Уаҳа ӡәыр акыр шәҭахума? – днаҵааит иара.
– Сыблақәа саԥхьа ианҭоуҵах, иурҟәазыр!.. – еиҭа
ҿаанаҭит аты.
Анцәагьы деиҭанақәшаҳаҭхеит.
– Ианурҟәазх, ақаруаса иалухыр! – аҳәахт аты.
– Бзиоуп нас, – днақәшаҳаҭхеит Анцәагьы.
– Ақаруаса ианалух, уахынла ижапжапуа иҟоуҵар! –
Анцәа еиҭаиҳәеит аты.
Анцәагьы деиҭақәшаҳаҭхеит.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15
- Büleklär
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3683Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22620.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3647Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3613Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3759Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21320.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3624Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3581Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3571Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3713Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3623Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3575Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3723Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3737Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22360.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3771Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3737Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3663Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3428Unikal süzlärneñ gomumi sanı 14510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3327Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3771Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3728Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 553Unikal süzlärneñ gomumi sanı 4220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.