LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12
Süzlärneñ gomumi sanı 3648
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
аԥсҳа дтәан, аԥсуа ҳәынҭқар. Изхысҳәаауа, уажә Егры уанырлак, наҟ ҩ-ӡык ихарамкәа иавоуп, акы Бзыгә ахьӡуп,
егьи, иааиҵаны, Бзыҷ ауп. Иара Егры Бзыгәду анахьӡызгьы
ыҟан... Нас наҟ такәы уанцалак, Бзысҭа ҳәагьы ыҟоуп... Уа
ажәытә иаԥсуаазгьы нхоит, сдыркгьы дыҟоуп. Уи излеиҳәоз
ала, иара ихаҭа абри аҭыԥхьӡы Бзысҭаԥан, Бзысҭаԥан,
Зысҭаԥан, Зысҭаԥан ҳәа инеивга-ааивган ианырҳәоз да
хаануп; нава, ныва (нажәа, ныжәа), ныгара, ныхара ҳәа
усгьы ацырҵон иҳәеит. Уи жәытә ԥсуала аԥаныжәа,
аԥанажәа, аныӷӷара, аныххара ауп – аӡы маҷны иахьҭо,
иахьаҳәо, ҽакала иуҳәозар, аныххара ма аныххаҳәара,
аныӷӷара ма аныӷӷаҳәара, аҳәара – ацәажәара акәым, аӡы
ахьаҳәо ауп, уажә ишәаҳама; ажәытәан арсырҭагьы ҽа
хьӡык аман рымҳәозиз, – аҭак ныҟеиҵеит Чагә.
– Аԥанаӷды, аԥанаӷӷды; аԥанахҭы, аԥанах, аԥанаха... –
абарҭгьы ӡырсырҭақәан... Ари ҳаԥсшәа шеиҿартәу уҳәар...
– назгәеиҭеит Кьагәагьы.
– Иахьа уа Зесҭафон ҳәа иашьҭоуп, ажәытә иахьыҟаз
маҷк инавакуп, аха. Иара ӡыршьҭроуп, маҷӡак ауп иҭоу
гьы, алабжыш хаҟәҟәала – ма игәаан иҵалеит, ма зынӡа
ианыӡааит, аӡгьы акгьы амбо џьушьома, Кьагәа?! – иҳәеит
Чагә. Кьагәагьы иҭаҭынжәга ааҭиган, тыгә-тыгә-тыгә...
ҳәа иаԥхьа инықәикшеит, иқьасагьы аацәыригеит; уи
идтәалаз Қәаҵәарагьы ираӡын кәалаԥ ааҭганы инап
сыргәыҵ апҟьақьҳәа инаниҟьеит...
– Уажә убри ануҳәа, – иҳәеит Кьагәа, – Бзыгәи Бзыҷи
амаӡашәарқәа акымкәа-ҩбамкәа ирымоуп, аиҳарак рын
ҵәамҭаҿы, урҭ узырцәажәар – Бзыгәк оумажәуп иҟанаҵо:
абри аӡы амҩа аҿықәгоуп, иара шнеиуа имҩахгоуп, уб
ра аҳцәа рҳаҭгәынқәа амоуп, ажәытә доурҭа аҽԥнуп ҳәа
мбатәуп иаҳәо... Иара ԥсуа-ашәыла Бзыгәды, Бзыгды ауп
Жәыргьыҭ ажәытә ишырҳәоз: Бзыгдыд, Зыгдыд ахьӡ тәрык
ала изхылҿиаауагьы... Гәды, гды жәытәла гыларҭоуп,
мҩазаргьы алшоит... Уа нас иаан инхаз алаз-гырқәа
рхәыҷқәа, саргьы схәыҷын, Бзыгә-ди-и-да, Бзыгә-дии-ҭа, Бзыгә-ди-и-ҭу... ҳәа абас иахычча-хәмарны исаҽ
ԥнырҳәон ҳәа сеиҳәон уатә сдырк, жәытә иаԥсыуаз аӡәы,
омаӡакгьы ҵуам, Аҟәа акәын иахьсеиҳәозгьы; ахәыҷ
қәа – хәыҷқәоуп, аха, умбои, иара ишигәалашәо... иха
мышҭӡеит...
– Иухашҭуа аумашь, Кьагәахеит, анс иҟоу, ахәыҷы
ихшыҩ еиҳагьы ианшәылоит... – иажәа налеиҵеит Қәа
ҵәара, иагьнациҵеит: – Ахәыҷы – дхәыҷуп, аха дара ус
зҳәоз «тәытә» разҳәашаз ду дрымаӡамыз? Рдуцәагь духа
қәацәзу? Мамзаргь ԥшаҟәысқәазу37 – иагьаарччеит.
Чагәгьы иажәа инациҵеит:
– Бзыԥа дууп, урҭ ахьӡылақәа иреиҳауп, аха «Бзы ду»
ҳәа иузыртәом, «Быз ду» ҳәа убас мышгаҩык изырҵәиуа
дҟалар ауеит, ихжәацәахоит, «Бзыжә» – аӡ ду ҳәагьы иар
цәажәоит, аха ус инужьыр – убригь азыԥшӡамшәа иҟоуп...
Сахьахәаԥшуа, Бзыԥҭа(ҳ)(а) еиԥш Бзы-ԥыжәа ҳәагьы
ыҟазар ҟаларын, аҩбагьы ирҳәо акоуп, аха ари уажәАԥшаҟәыс – хьажьык иаҟароу, ажәҩанаҿ џьарак такәаамҭа иаан
гылан, аԥша ахьаауа ахы рханы, аҵыхәа аҳәҭарҽыла-аҳәҭарҽыло,
амҵәыжәҩақәа аффаҳәа иҟьо, «ацәқәасра» здыруа ԥсаатәуп.
раанӡа сызҿыз иреиҳауп, аԥыжәара змоу зыхьӡугьы иароуп... Аӡыхьӡқәа иреиҳабу арбану уҳәан жә, жәжә акәзар
ауп ҳәа ақәсҵоит, иамазкқәоугьы ыҟақәоуп, аха.
– Ԥ, ԥҭа.. – уаҳа акгьы цәыррымгаӡои? – дҵааит Кьагәа.
– Ԥыжә – аԥсҭа ду, агәаҩа ду, аҩхаа ду ауп; ԥыжәа – урҭ
ирҭысны ицо ӡызароуп, «ыжә» аҵәахуеит; иҵегь ама
зашәар рымоуп, урҭ зегь уажә срылалом, уаргьы иззым
дыруа уакәӡам, иаҳроуцәаргьы иӡырҩуа ҳарааԥсоит. Ари
аҩхаа ԥсҭа ҵаулоуп, ахахь иахьарԥогьы ыҟоуп – Бзы ԥа.
Аԥан аныжәара ажәжәарсҭақәа, агәаҩасҭақәа амазар,
иаҵазар ҟалоит, усоуп дара амаӡашәарқәа иацу ишырҳәо.
Иахьарԥоз ажәытәан иҟан иахьа иашәахьазаргьы алшоит,
аха ахьӡ нхон. Егьи, Мықәгьы ажәжәарсҭақәа амоуп, ала
шәры ҵыџьжәлақәа. Аӡәы икамбашьқәа ахьынҭеиҵаз,
акы илаҵаҩрын, хымш дашьҭан, ҵаҟала амшын ахь икы
лнаган, устәи Тамшь иган иҿықәнажьылт.
– Бзыԥын ҳәа усгьы рымҳәои шәышҟа?
– Ирҳәоит, Бзы ԥы аныжәа аҟнытә; ԥа, ԥы, сԥы... жәытә
ла иагьӡышьҭражәлақәоуп, иагьӡырырҭақәоуп, иҵегь ир
ҳәақәоугьы ыҟоуп – иҳәан, Чагә дааҭгылт.
– Иуҳәаз акгьы иамаскуам, Чагә, сара усазҵаауазар:
Бзыԥ, Бзыԥа, Бзыԥҭа инаваргылан Бзы-ԥыжәагьы сад
гылаҩуп, аха аҵыхә а рцәамшәан ирцәеилаҩашьо ина
лага, «ыжәа» амаӡашәаррахь иагеит... Бзыԥ еиԥш еиҿар
тәу аӡыхьӡқәа рышьҭахь еиҳараӡак маӡашәарны жә(а),
жәытәӡала жәжә(а) гылан ҳәа ақәсҵоит. Убас иҟан: Бзы
гәдыжә(а), Беидыжә(а) ма Ббедыҩажә(а), Мықәжәа, Бжьы
гәажә(а), Баслыжә(а)... – ус заҟа, аха иаҵәахуеит. Усоуп
ажәытә жәабжьҳәаҩцәагьы ишырҳәоз... Бжьыгәажәа ҳәа
узҿыз уи иарбаныз?
– Кәыдры, Кәыдраԥа, Кәыдраԥԥажә ҳәа усгьы рҳәон, ԥ –
шьоукы идроууан, шьоукы идыркьаҿуан. Санмаҷыз абри
Кәыдры аԥа шԥамоу ҳәа сазхәыцхьан, уажә сарччоит. Ари
Кәыдры аԥсҭоуп ма Кәыдры аҵәаԥшь ауп, аҟәадоуп...
– Кәыдры хыҵыр имшынхоит ҳәа усгьы рҳәоит... Бжьы
гәажәа ҳәа зыӡбахә уҳәаз иҳанаҳәозеи? Ишԥацәажәоу?
– Бжьыӷәажәа – зыбжьы дуу аӡы ҳәа ицәажәаргьы алшоит, амшцәгьақәа аныҟало абжьы ӷәӷәахоит, иалардыр
уеит, о-оп, амш цәгьахоит рҳәоит. Егьыс, бжьы аӡыхьӡқәа
иреиуоуп, Бжьыԥ, Бжьыԥҭа зҳәогьы ҳаҟами. Бжьыгәажәа
– аӡду ҳәа усалагьы ицәажәоит.
– Уаҳа хьӡы амазу ажәытәан иара Кәыдры? – дҵааит
Кьагәа.
– Шәаланамгалацәан, уара, уи ҽа зҵаароуп, аҳәаа
шәҭымҵын, – иҳәеит Маҳҭы. – Мамзар ахараԥса наган
ишәықәсҵоит, – иагьаарччеит.
– Мамоу, иахәа, дҵаалааит, ҳаиуацәоуп!.. – иҳәеит
Чагә, еиҭаарччеит.
– Шәызлеиуацәои?!.. Уи ҳа иҳаздырӡомызтеи!.. –
иҳәеит Маҳҭгьы дыхәмарны. – Шәеихырааӡалама?!
– Ҳаихырааӡалазҭгьы иҳабаргәыз, ус ҳмыхькәа...
– Изакәи иара?!.
– Ҳҩыџьагьы жәламаҷқәоуп, убриазы ҳаиуацәоуп,
Кьагәа дсеиӷьуп, аха уигьы дшәарҭоуп.
– Чагә заҟаҩ имада? – иҳәан, дҵааит Маҳҭы Ҭамшьыгә
ихы наиқәикын, иааирмаҷшәагьы иун.
– Ҩыџьа аԥацәа Леуарсеи Жореи ҳәа. Чаҵәаа зхы
лаҳәоу ҭаацәа уаҳа Аԥсны иҟаӡам иараӡәк итәы ада.
Ажәытәан Чаҵә – қыҭ ҳәа Гәыԥ ақыҭан аҳабла дугьы
ыҟан, аҳабла моу қыҭан. Кәыдры аԥсҭахьгьы инхон. Аха
иахьа ишубо ус иҟалеит... – иҳәеит Гәыблыи Ҭамшьыгә
дахьтәаз.
Чагә аԥхьатәи иԥшәмаԥҳәыс Атәан-ԥҳа данԥсы, ихшаз маҷқәан, Гәыблыиаа иреиуаз дааигеит, уиоуп уажә
Маҳҭы Гәыблыи Ҭамшьыгә дызиазҵаазгьы. Иаҳазгьы
ааицәымӷхан:
– Зегьы Анцәа ду инапы ҳануп, Анцәа абзиара ҳзыҟаҵа!
Анцәа ҳзырҳа! – иҳәеит.
– Анцәа иҳәааит!
– Анцәа иҳәааит!.. – аӷу ааилдыргеит егьырҭгьы.
– Кьагәа, уансазҵаах, аҭак ҟасҵоит убригьы, амала
абра ихҳаркәшома нас уареи сареи?
– Ас ҳшеиуацәаз сыздырӡомызт, заа исоуҳәарауааз,
асҟак ҳаибаршуазма қәҵак азыҳәан, шьҭа рҭахызаргьы
аабатәи азҵаарахь ииасааит, сара са сган ахь ала, убзиоуп
ҳәа исԥхьаӡоит, круҭахызар – иацҵа! – иҳәеит Кьагәагьы
ирхәмарны.
– Кәыдры, – иҳәеит Чагә, – ажәытә хьыӡқәа Бсы, ԥсы
ҳәа рҳәоны саҳахьеит. Абри ииашоуп ҳәа зласыԥхьаӡо,
Наа агәаҩа, иара Кәыдры мрагыларахь ала, иҽԥынгы
лоуп ахәы иамадоу шьхапаҿк Акәакәар ҳәа, Каургьы
ахьӡуп. Абра ажәытә баа ықәгылоуп, иҟәыбасахьеит,
Бсқал, Ԥсқал ҳәа иашьҭоуп, Ԥскьал, Бскьалгьы рҳәоит,
руа иаҳа ииашоу арбану ҳәагьы еимаркуан. Ари Кәыдры
усҟантәи ахьӡ аҟынтә иаауазар, иахылҿиаауазар ҳәа
сыҟоуп. Бслеи, Ԥслеи, Ԥшьлеи; Бслыи, Ԥслыи, Ԥшьлыи
– абарҭгьы зны Кәыдры иахьӡын, аӡ ду ҳәа ицәажәоит
зҳәоз ыҟан Чагьам, Џьгьарда, Ахәҵа, сара санахьӡаз, иахьа қәрала сахьааихьо жәбоит. Шьоук ус рҳәон, убригь
еимаркуан, абаа дыргылаанӡагьы Бскалыи ма Ԥскалыи
ҳәа ус ыҟан ҳәа. Акәакәар змадаз ахәы жәытәла ака ауп,
ашьхапаҿ албаарҭа ахьӡала иртәоуп рҳәон; Ԥсы, Бсы
ахәада албаарҭа ҳәа, мамзаргьы уи ахәда ду ҳәа. Абри иа
лацәажәо, иагьааимаркуа ҩынтәҟа избахьан уа ааигәасигәа омаӡак иацәыхарамкәа инхақәоз Ашәы Шьаҳан,
Лакр Платон, Маршьан Ҳаиҭбеи, Маршьан Багьлар,
Абыхә Шьааб, Ҵәыџь-ԥҳа Татышь, Кәыҵныи Џьоџьа,
Ҵәыџь-ԥҳа Фелдышь, убарҭ зегь иреиҳабыз аҭоурыхҳәаҩ
Кәыҵныи-ԥҳа Арухан уҳәа ажәабжьҳәаҩцәа. Егьи, Быҭәа
Сеилаҳ излеиҳәоз ала, агәыжә(а), аҭәажә(а) жәытәӡала
иахьеиҿыҵуаз аҩнду иахьӡын. Уажәшьҭа Бжьы агәыжәа
ҳәа еицҵаны абасалагьы уахәаԥши, иаҳәо убап. Уи
иҵегьы рыла ицәажәоит, аха аригьы азхоит, – назгәеи
ҭеит Чагә.
– Иара «Кәыдры» ахьӡ ахаҭа иаҳәозеи? – дназҵааит
Кьагәа. – Иаҳхамшҭхьаз уара!..
– Ожәшьҭа иазшәырхаларгьы цәгьам, мамзар аҽырыҩ
ра иаҳцәалагаргьы ҟалоит, аамҭа иҭанаршәыртә ҳақәны
ҟәалароуп, – нареиҳәеит Маҳҭы, нас: – Аабатәи азҵаара
Оҭры Ҭамшьыгә иутәуп, ҳаузыӡырҩуеит! – иҳәеит.
– Сара сызҵаара сыԥсахуеит, Кәыдры иаҳәо закәу ҳаи
ҳәааит, иара итәык иаҳмырҳәаӡаргьы иагьԥхашьароупеи
ҳара ҳзын!.. – наиеиҳәеит Ҭамшьыгә аҭакс.
– Бзиоуп нас, уара ишуҭаху, – иҳәеит Маҳҭгьы. – Уара
узҵаара уара уақәиҭуп, – ҳәа усгьы нациҵан. Нас Чагә
ишҟа дахыхәмарны: – Унасыԥ иакит, ҳаузыӡырҩуеит!
Амариа уқәшәеит!
– Ҳаи, Анцәа шәиныҳәааит, сышԥашәыркьаҭеи, сына
сыԥах иакызар уаҳа исҭахузеи! – аҭак ныҟеиҵеит Чагәгьы,
аха нас: – Уара, сара Кәыдырҭа сабаҟоу, Мықәгьы сыҟам,
Дҭамшьгьы, иҵегь наҟ Аҳалгӡгоуп сахьынхо, Гәыԥ ақыҭа
Чаҵәқыҭ аҳаблан, – нациҵеит.
– Уи зхуҳәааи, Чагә, Кәыдырҭа унымхозар, иабаԥыр
хагоу?!.. – даахыхәмарт Маҳҭы.
– Кәыдры инымхо Кәыдры ахьӡ закәу иалидыраауазеи?! – иҳәеит Чагәгьы дахыхәмарны.
– Знык иануазҵаах, шьҭа уи азҵаара ақәхра, аԥсахра
ҟалаӡом, иузымдыруазаргьы, иудыруашәа ҟаҵа!.. – иҳәеит
Маҳҭгьы, иагьааибарччеит. – Даргьы ргәы иахәап, – ҳәа усгьы нациҵеит.
– Кәыдры уҩҭалан хәдацәахьынӡа уҩҭагылар, уӷәӷәа
зар, ушьапахьы иуҵнаҟьартә иаҳа иӷьуп, ухәдацәахьы,
ужәҩахырахь аасҭа.
– Аҵа иаҳа иӷьуп, ақә аҵкыс.
– Аиеи, усоуп. Насгьы иара џьара иаҳа иҭынчуп, џьара
иҭҟьаны ицоит – уахәаԥшыр, аҩыџьарагь, ахыџьарагь...
шьаҟьасҭароушәа убоит. Абас иҟоу аӡы ҭӷьы, ҭыӷь, дӷьы,
дыӷь ауп; кәы ӡыхьӡуп, кәыҭгьы, кәыдӷьы – нас кәыдры
– аӡҭҟьа, аӡырҩаш, ӷәӷәала иӷьу ҳәа ицәажәоит, алеишәа
цәгьоуп, ианхыҵлакгьы имшынхоит. Аеҳә иахьҭоугьы
ыҟоуп, уҩны ахықә уаақәххны уахыԥарашәа убоит, аха уажьоит – уагьзахыԥом, наҟ аԥаҩ аԥанахь цаҟьоуп, уҭалар,
аҳацаҟь уанҟьаны ухы ԥнаҽуеит, ус зыхьқәахьоугьы
ыҟоуп, уа ахахьы ма аҵыхәахь ала уахыкәшароуп, кыр-
гьы уцароуп. Аеҳә ахьамоу ракы аҟара омаӡак иаӷьым
шәа унарбоит, сҭаларгьы исыхьрызеи ҳәа, аха уи аҵаҟа
арыԥҵә иҭҟьоушәа иаӷьны ицоит, уаҩ дахәом.
– Уара излоуҳәо ала, Кәыдры ҭӷьыр, ҭыӷьыр, ҭыӷьры,
ҭыӷьӡы ауп, ус ахьӡызаргьы сеидроу, Ҭыӷьӡаа зусцәадаз?
– Урҭ Шьам акәын иахьынхоз рҳәон, жәытәӡа. Уа ус ӡык
ыҟазаргь ауеит...
– Дыӷьсҭан акәзаргьы ҟалап иахьынхоз зҳәозгьы
дсаҳахьан.
– Усгьы рҳәақәозар акәхарын. Егьыс, Кәыдры – кәыд
ҳы-рыҳәагьы итәоит, – зыкәкәарсҭа ма зыԥсҭа, зыкәа дуу
аӡырҩаш ду ҳәа; ҳ маӡашәархахьеит, ибжьшәазшәа унарбоит. Ара уажә иагсыжьызгьы ыҟоуп, аха абасалагьы иазхоит. Абри аҵыхәала иуасҳәогьы абриоуп, иуасҳәахьоу
ахыхь, – иҳәан, Чагә Ҭамшьыгә днеизыԥшын иаргьы дна
иазҵааит:
– Егьи иарбан зҵаараз исуҭарц иуҭахны узҟәаҵыз?
– Уара, уи аҩбатәи акәхоитеи!
– Иаԥырхагам, аҿаарха! Уг уҿы иамырҳәаӡакәа ҟало
ма?! Усгьы ҭаха суҭом.
– Рыҵа38 ҳәа иахьашьҭоу унеихьоума?
– Гәыблыиаа срыцны хымш ҳаҟан.
– Абри ахьӡ иҳанаҳәо атәы шԥоудыруеи?
– Уара, ари уадаҩымшәа збоит, Ҭамшьыгә, зынӡа
иумырмариаӡан, мамзар ақәҵа ихәҭаа алоуп, еибыр
ҳәахьеит, уиоуп изирмариаз ҳәа ишьыцны ҳҵәылхра,
ҳацәгьаҳәара иалагоит, аԥсуаа шьоук ҳшыҟоу, ҳазмыр
ӷьацақәо умдыруеи, ҩысҭааи џьныши иаҳзыруа ҳзымхо
шәа... – иҳәеит.
– Уи аусзымдырхуа, аха ари ахьӡ ус ишуҳәаҵәҟьоу
имариангьы иҟаӡам, ара уи аҵыхәала еизааибамгазгьы
ҳаҟоуп... еиқәшаҳаҭым...
– Нас абас еимаку азҵаара сыҭан сзыхурҟьоз, Ҭам
шьыгәхеит, срыцҳаӡами уара?!. – иагьааибарччеит.
38 Аҭыԥхьӡқәеи, ахьыӡқәеи, ажәлақәеи ашәҟәаҿы ажәабжь
ҳәаҩцәа ишырҳәоз иныжьуп.
– Рахь акәу сахь акәу уахьатәу алагәасҭарц иҟасҵеит.
Рахь уатәызар, уаамҳәан укасыжьуеит!.. – иагьаарччеит.
– Убри «рахь-сахьра» ҳааҟәыҵны, зегьы ҳааидгылан
«ҳахь» ҳәа анеицаҳамҳәа, Рыҵаҟа амҩа ҳшықәу, Анцәа
иумҳәан, аха иааԥжәаны иҳажәлоит, ҳнеирцгьы ҳаҟаӡам,
иаргьы даарак иӷәӷәаны иҭатәаӡам, иумдыруеи?..
– Убригьы сзымдыруа ауакәху, аха ҳаисаноуп ишыҟа
лазгьы, уара-сара ҳәа, ҳаинраалатәуп... ҳаилыргатәуп...
– Еисақәаз шәызусҭцәада?
– Сара, Хакәыцә, Хаҩа, Хабаџьа, Хапара, Кьача, Ҟәбар...
зҳәаз иеиԥш мачхәума ажәабжьҳәаҩцәа, ауаа нагааагақәа...
– Акыр ықәҵан шәеисазма?
– Ахыбжа жәны!.. – иҳәеит Ҭамшьыгә дԥышәырччо.
– Ҟоҳ, нас ус акәзар, сара шәеинсраалоит, амала ахыбжа са исымаз, аҿыбжа шәа ишәымаз!.. Ишәықәнагоуп!..
– Ибзиоуп, атәыҩа шамоу аума ишуҭаху?! – иҳәеит
Ҭамшьыгә даҵаччо.
– Ахыбжа ижәны атәыҩа шамоуу, уара?!
– Ааи!
– Ус акәзар, атәыҩа ҭашәҿаҟәа!
– Иззакәи?
– Икыдкнасҳалоит! Оҭры Ҭамшьыгә Абгархықә абас
исасцәа рымҵаҵара далагеит, ҳаргьы иаԥшьаагароуп ҳәа
иааиуа зегьы идсырбалоит. Иманшәалоуп, уара, атәыҩа
аҭаҿаҟәара аанкылан акәац аамухуеит, нас – икыдкнаҳал!
– Икылҵәазар иаҳагьы еигьӡами? Аҵәымӷ инахаур
шәуеит! – иҳәеит Ҭамшьыгәгьы, иагьнациҵеит: – Абарҵаҿ
баска ҵәымаӷк агәашьа илалаҵан, инаган иаахауршәт,
анеи-ааи зегьы ирбарҭахоит, саргьы сӡырнагоит, уаргьы уӡырнагоит, аа, Чагә Чаҵә Абгархықә даныҟаз Оҭры
Ҭамшьыгә имҵеиҵаз закә хазыноу, харзаману ҳәа.
– Ибзиоуп, иуҳәазгьы саҳаит, аха ари збо ауаа ухьӡ
шԥарасҳәари? Ҭамшьыгә иҟаиҵаз, иаԥшьигаз ҳәа ус сҳәа
ру... мамзаргьы хәыҷыхьӡ умаӡамыз? Ухьӡқәа аҩбагьы
ӡырнагоит. Ус иаҳа еиӷьӡами? Ишԥоубо?
– Иумуазар, аҩбагь ҳәала! Еиҳагьы еиӷьуп. Саныхәы
ҷыз сабду даҽа хьӡыкгьы сеиҳәон – Аҭлаԥсын ҳәа, иара
иҵегь ацын, иаун.
– Аҭлаԥсын зыхьӡыз ҳа ҳашҟагьы иҟан. Атлаԥсынгьы
рҳәон... Шаҭиԥак, уи анбыкәу, хҩы ԥацәа иман, аӡәы
Аҭлаԥсыирыира ихьӡын, егьи Ԥсикәана, ахԥатәи Аҭлаԥ
сыикәана ҳәа ишьҭан, хәыҷыхьыӡқәан, аха иандухагьы
ус разҳәоз ыҟан. Жә, жәа ҳәа абасгьы рыцын, иацҵан
ирҳәомызт, аха. Убарҭгьы ӡын. Иара Чагәгьы анкьа ажәа,
нажәа ҳәа абасгьы ахьацқәаз ыҟан ҳәа, рҳәон, ӡқәан.
Чаҵәгьы ҩ-махәҭак, ҩ-тәрык аман, акы пасмажәлан, егьи
ӡын, ччацәа акәын. Уажә Аԥсны урҭгьы ыҟам, егьырҭгьы
– ажәқәа иреицәаз абоура аҭынхоит ҳәа.
– Ус ахьԥоуҳәоу... – иҳәеит Ҭамшьыгәгьы, нас: – Чаҵә(а)
иагьӡын уҳәоу?.. – ҳәа нациҵеит.
– Ааи. Чаҵәа. Чаҵа зҳәозгьы ыҟан. Рыҵа, рыҵәа ҳәа
ҩбаны ишырҳәоз еиԥш.
– Нас, нас? Рыҵа ахьӡ ашҟа укылсит!..
– Убри ахьӡ аҵыхәала шәарҭ шәеиԥш иҟоу ауаа,
шәыззааибамго иарбанхазеи?
– Уи ус мариала иҳазуаҳәом, уара уазкылсроуп!
– Сазкылсуоу сазкылахоу, – иагьааибарччеит, – абаздырхуеи, аха уиаҟара икәадамшәа снарбоит, уиоуп ус
сагьзазҵааз. Уажә шәара шәахьеиқәшаҳаҭым ари зыхьӡу
рҩашу, ԥсҭоу, ма ӡҭатәоу ҳәа акәхап мамзаргьы «Рыҵа»
акәу «Рыҵәа» акәу ҳәа акәхап? Ажәытәан ишыҟаз руа
иарбану ҳәа.
– Мап, убригь акәӡам...
– Убри акәны исыҵакны иумҳәозар, Бзыԥ акәу Бжьыԥ
акәу, Ҭамшьыгә? Усгьы рымҳәои?
– Усгьы егьысгьы аҩбагь дара роуп, ӡуп, аха бжьы
даҽакгьы иахьӡын.
– Егьигь убасоуп, ҵ-и ҵә-и аҩбагь дара роуп, уӷәк
иатәуп, иаҵаҳәоуп, еиҭнуԥсахлар ауеит, мамзаргьы хацлакык аҩӷьатамак, аҩмаак роуп, урҭгьы еиҭнуԥсахлар
ҟалоит, ахацлакы уа ишгылоу... Егьи, бжьы даҽакгьы
иахьӡын ҳәа узҿу уи ашьхыц ауп, «бжьжьы» аҟнытә,
ажәытәан ашьхыц даҽа хьӡыкгьы аман рымҳәози, пжьгьы
иара акәын, бзгьы убрахь махәҭак, тәрык амазаргь ҟалап.
Ацхагь ҽа хьӡык аман, ашьхымӡагь ҽа хьӡыкгьы аман
рымҳәози: ацха – акқа акәын, уи иҵегь ирыхьӡын, аха;
ашьхымза – бжьы-ҭәыжә(а), пжьы-гәыжә(а) акәын; гәы
жәа – ҩнын, гәарԥын, агәыжә(а) – аҩн ду ҳәа изышьҭоу,
иахьеиҿыҵыз акәын, уи сҳәахьеит... Аха уахь ҳалалар, ҳа
ланагалацәоит...
– Уа уиашоуп. Ажәытәан ахәажәа рацәан, уи ахышәҭ
амати ганы иалазҵоз ашьхыцжәлагьы ыҟазар акәхарын,
ацха арҟәон, иуфар – умгәа уашьуан азы икажьын, аӡәгьы
далакьысуамызт... Иуршыргьы ишәарҭан... Абжьынҵ
акәын дара ртәы, апжьынҵә... Иҟоушь шәа шәахь? Насгьы ишцәажәо, иаҳәо умбои...
– Макьаназ иҟақәоуп, аиҳабацәа иԥышәҟар ҟалом
рҳәон... Абриаҟара абна шықәырххьоугьы, хаԥсыра шазааргахьоугьы, ахәажәа абыржәыгь Тамшьи Кындыги
агаҿа азааигәарагь иубоит... Абжьынҵ уа иҟам, акыкҩбак аламшәозар. Убригь ахьыӡ умбои: уа иуҳәан еиԥш,
абжьынҵ – абжьынҵә, апжьынҵ – аԥжьынҵә, ҵ-и ҵә-и
рҽеиҭнырԥсахлоит, усгьы егьысгьы цәажәашьас измаз ыҟан. Уара, уимоу, шәарҭ Аацы иатәуи Калдахәара
иатәуи убас акы-ҩба, хԥагьы, шәахьеиҩысқәоу ыҟоуп, ус
акәӡами? Ара уажәы калдахәаратәқәагьы збоит, аацытә
қәагьы, бармышьтәқәагь ыҟоуп – Агырбақәеи, Аҩыӡ
бақәеи, Абармышьаақәеи.
– Усоуп.
– Ишԥаҟам.
– Уа уиашоуп, – рҳәеит.
– Уа ииашан иуҳәеит... – днақәшаҳаҭхеит Ҭамшьыгәгьы.
Нас инациҵеит: – Ҵ-и ҵә-и убарҭтьы еишьцәоуп, иахьеи
высуа ыҟазаргь, аӡә роуп.
– Кәыдры аԥсҭа ахахьы ҭыԥк ыҟоуп Ҵәаҳәаркыра,
иҵегь жәытәла Ҵәаҳәажәркыра ҳәа, ҵә ҵ ала ирҳәоу егьиуа. Ҵәаҳәкы, Ҵәаҳәкыра ҳәагьы. Уа ацәаҳә(а) кны уахь
хало ҭыԥ ыҟаӡам, иазгәаҩашәа, иԥсҭа хәыҷшәа иҟоуп,
аҵа ҳәа азуҳәаргьы ҟалоит, жәытәла, ӡыҷҷакгьы анаара ҵәылхны илбааны иаауеит, нас илаԥашәа ныҟаҵан,
адәҳәыԥш ааихҵәаны илықәсны наҟ илҭаланы ицоит,
мҳацә хәыҷыкгьы амоуп. Абра абас захьӡузеи ҳәа кыр
сахәаԥшит. «Уара, Шьааб, абраҟа абас захьӡузеи?!» –
сҳәан, снаиазҵааит, Быҭәа Шьааб Аҭаратәии сареи ҳаи
цын. «Абра уахьгылоу адәҳәыԥш жәытәан ӡҭатәан, ҵа
ҳәан, ҵаҳәажәын – ҵәаҳәан, ҵәаҳәажәын – арҩаш иа
ҵатәан: иаҵанаҳәеит, иаҵанаҳәажәит. Ҵәаҳәакыра,
Ҵәаҳәажәкыра акәын. Аха арҩаш аҳалаӡи аҵҳәеи ааган
иҭажьуа иарҭәит, жәытәла иуҳәозар, ианаркит, Ҵәаҳәа
жәркыра ҳәа иҟалеит, акәхеит; ҵә ҵ ала изҳәозгьы ыҟан.
Уажәы ари аӡыҷҷа убас ахьӡуп, адәҳәыԥшгьы. Жәытәан ры
аԥыргылан ирҳәон, ра ҳәа иацу акәара ҳәа ицәажәаргьы
алшоит. Аҵәаҳәа, абаза-ԥсуала аҵаҳәа, аҵаҳа – кәаражә
лан, ӡыҷчан... аҵхьары гылазар, рҩашыжәлан... Ари аӡыҷ
ҷа уажә усшәа иубоит, аха аҭыҳәрыкь цәгьан, жәытәан
иҵегь идуун, уажә иагхеит акәымзар», – иҳәеит Шьааб.
Ус – ҳашгылаз, аӡы злаауаз шыҟаз хьхьыҳәа бжьык агара
иалагеит. Ҳаԥшызар – аӡыҷҷа маҿак аҟара аӡыхәашь ахагылан иаауан. Наҟ амш цәгьахоу, арахь икаххаа иҟоуп. Ус
ҳашцәажәоз такәы ҳанхеит. Адәҳәыԥш аҵыхәан анкьатәи
аӡмыжь амҳацә нханы иҟан, убра ҳгыланаҵ аҳалӡ аанаган иааубартә иҭанажьхьаз иацнаҵеит. «Ишнеи-шнеи
уа уи амҳацәгьы арҭәуеит... Ҳара ара омак иацәыхарам
кәа Бшьыикәара ҳанхон, ҳахҵәаны Ҭырқәтәылаҟа ацара
анҳақәшәа, сабду Ормаҭ дыԥсхьан, аха уаанӡа симан аб
рахь даахьан, ара ашьхымӡақәагь аман, гыларҭан. Ара ари
аҭыԥ аҟны омак узгылом, аха усгьы еимаркуан – раԥхьа
инеиз ашьхымӡақәа рымгәа, ирымаз ацха итәын...» – ҳәа
сеиҳәеит Шьааб.
– Ҳо-оп, ҳо-оп, ҳо-оп!.. – иҳәеит иаалырҟьан Ҭамшьыгә
дааԥышәырччан, аха уаҳа ацымҵакәа даангылт.
– Изакәызи, Ҭамшьыгә, сахыԥоу сҭаҳау? – дҵааит Чагә.
– Уажә уахыԥеит, уашьҭан уахууаароуп, улабашьа
аҵларкәыкә иҭанамҿаҟәар... Нас, нас?!
– Нас, изхысҳәаауа уиоуп, шәышҟатәи Рыҵа ацәырга
разоуп. Уа инеиз ауаҩ ахьӡ закәу иара инарбоит. Ахаҭа
арҩашқәа хԥа алаҭәоит, иахьатәиала иуҳәозар –идыр
тәоит, ирыҵатәоуп, ирҳәоит. Ирыҵаҳәоуп, ирыҵаҳәкуп,
ирыҵаҳәажәуп, ирыҵаҳәажәкуп. Абарҭ иргәылшәаны Ры
ҵа ҳәа иартәоит. Аха иара абарҭ зегьы аҭахӡам, имцхәуп...
иаргәаҟуеит. Иркьаҿны амҩа амоуп: жәытәла Рыҵа(ҳә),
– арҩаш ма арҩашқәа рыхәҭоуп, ирыҵарҳәаз акәзаргь
ҟалоит. Рыҵа(жәжә) – арҩаш ма арҩашқәа рыӡҭатәоуп,
рӡиоуп. Абарҭ рынҵәамҭақәа ԥхьакны Рыҵа ҳәа удыр
боит, аха ара ариала инҵәаӡом.
– Уи шԥа?
– Ры-ҵа – арҩаш ма арҩашқәа ргәаҩа, рыԥсҭа-гәаҩа,
аԥсҭа... ҳәа ауп. Мап, ус сҭахым, исроуроуп уҳәозар: ры
ҵа ма рыҵәа – аҩбагьы шьха рҩаш хьыӡқәоуп, рҩашкы
разаргь ауеит, ашьха ӡҭатәа иацырҵуа рҩаш ҭҟьазаргь
ҟалоит.
– Ажәытәан Рыҵала ҳәагьы рҳәон, уи закәыз?
– Уи аилкаараз Калдахәараҟа ҳцароуп! – иҳәеит Чагә
дааԥышәырччан.
– Избан?!. – иџьеишьеит Ҭамшьыгә.
– Агры Алықьса39 ҳиазҵаароуп, уи дҵарауаҩ дууп,
дсеиҵбуп, аха ажәытә ԥсшәа бзиан идыруеит, аԥсшәа
абызшәар ҟасҵеит, ԥшьынҩеижәижәаба шьҭыбжь амоуп
ҳәа даҿын, Аҟәа дызбон, – иҳәеит Чагә, иагьнациҵеит: –
Анбан егьи ҳәа зҳәақәогьы ыҟоуп, аха абызшәар ауп аиа
ша, иаԥсуоу; абыз шәшәара, заҟа шьҭыбжь азҳәо; аԥсуа
бзы шәшәара – абри ацәыргара, аларҵәара омаӡак аҭаху
ма?! Ажәытәӡан ус иҟан рҳәонеи?!
– Чагә, иуҳәо саҳауеит, суқәшаҳаҭуп, уи ирбартә иҟоу
аӡә дҩагылан иҳәар ами... Аха, уажә сзызхәыцуа, абриАлықьсандр Агрба (1862–1941) Тартутәи ауниверситет апрофессор Леонгард Мозинги иареи аԥсуа бызшәар (алфавит) ҟарҵеит.
Уи 90 шьҭыбжьы аман, аха ахархәара амоуит...
Калдахәара ҳҵара атәы маншәаламхар ҟалап!.. – иҳәеит
Ҭамшьыгә дԥышәырччо.
– Избан?!.
– Аҩны дҳақәымшәар, нас ишԥаауеи?!.
– Дыҟоуп, иац дызбон, уахь уск сыман, – иҳәеит Цар
гәыш Мсураҭ. – Алацәгьақәа имоуп, шәрымфааит!.. –
ҳәагьы даахыхәмарт.
– Дыҟоуп, аха ҳашнеиуа дашьны дҳақәшәар?..
– Уиоуп иуҳәаша! Арҭ шнеиуа иаҳаны цас иҽаиршьыр,
нас ишԥарыԥсыхәоу?!. – даахлафааит Аабыџь Хәытабагьы.
– Уи ижәӡом, аха дашьаанӡа шәца!.. – иҳәеит Аџьы Ҭеи
мыргьы дааԥышәырччан.
– Бзиоуп, ҳцап, аха Ҭамшьыгә изымдырзаргь, Чагә,
уара иухьзеи, арахь дзааугоз, уа иоуҳәарауазз ҳәа аауеи
ҳәар?.. Ахырзаман узыҟамлеи!..
– Каамеҭмхои, аха... Аҳы, нас, бзиоуп, уи ҳаиҟәаҵып,
ихьӡ ахьынӡаҳҳәаз азхаз. Егьыс, Рыҵала зыхьӡыз Рыҵа
агыларҭа акәын, убраҟа аҵыџь амазаргь ҟалон ҳәа унарбоит. Рыҵа хәҭа дуун, жәытәла иуҳәозар – алаҳәҭа. Ры
ҵала(ҳәҭ) ҳәа абасгьы ыҟазар акәын, уи иҵегь аҵанакуеит,
аха. Ари омак иԥшӡамшәа ианаба, хәҭ ԥхьанакит, Рыҵала
ҳәа иартәеит. Аа, уажәраанӡа Кьагәа иасҳәон Мсахала ҳәа
иҟазгьы атәрык Мсахалаҳәҭа, Мсахалахҭа ҳәагьы иашь
ҭан. Рыҵала(гь)(а) – абасала иртәаз ыҟазаргь ауан – Рыҵа
Албаарҭа ҳәа.
– Иҵегь аҵанакқәоит уҳәеит, урҭ арбақәану?
– Рыҵала ҳә, жә, жәжә(а) ҳәа анацызгьы ыҟазар акәын,
нас иаӡеит. Жәытәла ҳәыжә(ы) – чуануп, қәабуп, жәытә
гыларҭазаргь, ԥсҭа-гәаҩа дузаргь, гыларҭа дузаргь ауеит;
егьырҭ рыла – ԥсҭа ҟәаҟәазар, ԥсҭа ҟәыбазар, ԥсҭа жәжәа
зар алшоит...
– Уи бзиоуп, аха ҳәажә(а), ҳәакыра, ҳажәкы мыцхәуп
уҳәеит, иҭанартәаз, иҭанаҳәаз, ианаркыз, иакыз, иаҳәаз,
иаҵанаҳәаз ҳәа даҽакала иркьаҿны иуҳәар ауеит уҳәеит,
уи шԥыкәу? Ара ари ариала инҵәаӡом уҳәан, уиоуп, наҟ
инацҵашәа ҽазнык ҳаарӡырҩ...
– Уи атәы уажәраанӡагь исҳәон. Жәытәла жәжә(ы)
арҩаш иаҵанартәаз ӡҭатәоуп, абри иаауҳәаз зегь иароуп, иҭнажаама, иаҵанаҳәама зҳәаз еиԥш – зегь иароуп, ҵа агәаҩарақәа зегьы ишрыхьӡу, аԥсҭа-гәаҩа ҳәа
изышьҭоу шакәу еиԥш, амала арҩаши иареи еицызароуп,
хыхьтә иалаҭәозароуп. Рыҵажәжә – арҩаш ма арҩашқәа
ирыҵадыртәаз иҵегь рылагьы ицәажәоит, аха, ӡҭатәоуп,
рыҵажә – урҭ рыԥсҭа ду ауп, рыҵажәа – арҩашқәа лбааны иахьеилало ирҳәоу, ма аԥсҭа иаҳәоу аӡырҩаш ауп,
рыҵаҳәагьы иароуп – абас ауп иркьаҿны, жәытәӡала – ари
сҳәахьеит, аха еиҭасҳәоит. Арҭ дара ԥсуа-ашәыла ҵәи-и
ҵ-и, ры-иӷьы-и еиҭнаԥсахлоит. Рҩаш дузар – убригь ры
ҵажә, идуны иаӷьызар, тариал жәлазар -рыҵар(а), ры
ҵаӷь(тыр), ҵаӷьтыр... Аӡҭатәа иахьацрыҵуагьы рыҵар(а),
рыҵәар(а) акәхоит.
– Уи уиоуп, аха жәжә арҩаш иаҵанартәаз, иаҵанаҳәаз
ишахьӡыз зҳәоны уаҳада?
– Иара иаҳәоит, иахьалаҭәоу, иалаҭәои иареи еибыр
ҳәоит, еицыҳәҳәоит... Абри соуп сара... шәҭоурых... шәсы
хәаԥш ҳәа абас аҳәоит... Уи еснагь иаҳәом, амш, аҳауа
ақәшәо иҟазароуп.
– Уара иубахьоума? Иуаҳахьоума?
– Ҽнак ԥсҭа-гәаҩа жыцәк акәара сышҭаз «жәжә»...
ҳәа аӡә ҿырпыну-сырпыну акы ибжьы аҭан дҭаҭәҳәо
ишаирҳәоз саҳаит. Аха ари даҟәымҵит, уара, сладахьоуп.
Жәжәжә... имшуп, мшәан, иԥсы еиҭеикыр акәӡами, ҳа
ҭамӷьарума изирҳәо, аха уи ус аҳәаӡом, пи-и ҳәоуп, ари
закәу збапи сҳәан, снеит. Смаҷуп. Акәара адәы иавсуан,
уа аԥшгьы ларҵон, ихыҵны иқәло ианалага, ажра ҟарҵан
аҟәыҵәа арҭеит, адәы иқәданы, уажә уи хәыҷыкгьы ҭалан
ицоит, ишнеиуа ҩбаҟа ра иҩаҵакны ԥчаҭлак иаҟараны
ихагьежьӡа аҵатәа, аҭатәа ҟаҵаны иамоуп, убра иахьа
лаҭәоу ауп иахьаҳәоугьы. Ишалаҭәоугьы аҽыртлан, аҽыр
ҭаӷаны ауп, иара иалаҭәоугьы хәыҷуп, иҵәоуп, иҷҷоуп,
егьыс ҽакала иуҳәозар, иҵоуп, иҵҵоуп. Аа, рыҵажәжә,
рыҵа ҳажәжә хәыҷны иахьыҟоу, жәжә закәу уҵанаҳәоит,
абжьы аргоит, иунарбоит, уи усҟан иабаздыруаз, аха.
Ани изыцрыргаз акәара наҟстәи иахыкәшаны иҵәины
абра иааин иаҿықәсны ицоит, ара иҭатәоу жәжәы хыхьхьаны астәи инеин уа иалалоит. Быжьбаҟа метра роуп
ирыбжьоу, аха арахә рышьҭа арахь ауп иахьаагоу, егьи
акәара аҿықә алыкь амоуп, ари ӡыжәырҭас иалырхит.
Ажәеиԥшь, Жәеиԥшьрҟан, Жәеиԥшьҟан, ажәытә, ажәа,
ажәла, ажәды... – зегь абриоуп, уара, изхылҿиаауа, ари
ҳжәытәра ҭоурых ахац ауп... Акәара ахаҭаҵәҟьа Жәкәара,
Жәжәкәара ҳәа иашьҭоуп, жәжә аҟнытә, иазҟәандоуп,
Қьаԥҭакәара, Ққыдыикәара ҳәа абас иҵегь ахьӡқәагьы
амоуп... Ахьшәашәақәа жәжәы аҳәара рцәымӷуп...
– Нас, нас, уа уаҳа крунарбама?
– Ишысҳәаз еиԥш, сазхәыцуа жәжәы сышхықәтәалаз,
аҩадахьҟа сааиасын, ажра-ӡышьҭра сыҩҭагылт. Уи арҭ
баахьан, аӡхьхьагьы маҿак, ӡакы аҟароуп, уаҳа иҵау
лам, уиаҟарагьы ыҟоу сеидроу, итаӷоуп. Сшыԥшуаз,
саԥхьа, ҩба-хԥа метра реиҳа бжьамкәа, аԥаҩ, аԥанахь
хәыҷык аҵаҟа аӡы акы иаархәашьит. Изакәызеи шыс
ҳәоз, инааӡа, маҭык хиқәаҵәааӡа, жәжәы ашҟа ахы рха,
аҽеикәырҽ-ҽеикәырҽ аҽырхәа-рхәан, пачҵас аҽеиҵа
галан ишныҵҟьара, уажәымзар-уажәы ахҿа еиԥш ишын
ҭҟьара аҽырԥсны иӡаатәалоуп. Сазԥшны саагылт, аха
аҽарҵасӡом. Аихагьы скуп, амагәқәагь сышьоуп. Иҟа
зааит сгәахәын, саақәҵәиаан, арахьтәи ахықә снықә
гылт. Санынаԥш – иабоубоз, иԥахьан, иахьыҵҟьаз цәыр
хәашьны; жәжәы илҭапҟоны аҵыхә снахьԥшызшәа збеит.
Амаҭтьы сышьҭит, абри жәжәы ҳәа изҿыз аҳәара иаҟәы
ҵит, уара, ԥшаӷьы амысит, аҽакит. Иџьашьо сышгылаз, аҵәыр арган жәжәы абас ԥшьбаҟа метра ҵәҩанҵәы
ԥсыӡк налҵәраан, нас акәапаҳәа саԥхьа егьи ахықә иҩ
хықәшәалеит, иԥаҭԥаҭуа, акаамеҭ ззыҟалаз. Снеин
иаашьҭысхит – ԥсыӡ хәыҷык, ихьԥшшәылаха. Ааигәа лаба
дук кажьын, жәжәы иҩҭасыргьежьит, аха ани убоу иҟаз
ма. Алаба еиҭааҭасыргьежьын, иара хәбаҟа ра иҵаулан,
ари уара утәоуп, Анцәа иузишаз ауп, уԥсыргьы иоумҭан
сҳәан, аԥсыӡ уахь инҭасыршәт, ԥыҭкгьы сахаҩеит... Са
ра уи аҳәаза мшьыкәа исышьҭит, иара, сҿаԥхьа, жәжәы
зтәыз аԥсыӡ ҭаргьежьны иҭнацон. Уиакәхап, уаҳа иал
зырԥодаз. Амаҭ ззырҳәаҵәҟьо...
– Сара урҭ ахьызбо среиҩсӡом, сыԥан рхы саӷраԥалан
исырҟьыцуеит... – иҳәеит Ҭамшьыгә. – Ус иманшәалам
шәа збар, саасны исшьуеит. Урҭ Анцәа имшазар ҟалап,
иршазгьы ықәми... ишазшәа ҳдырбоит, аха... Аԥсыӡ уахь
иҭоумыршәыр еиӷьын...
– Аӡыҷҷа ма акәара иҭоуҵар акәын. Ҽазнык иалнар
ҵәраар, аӡыҷҷа иҭамшәакәа еиҭахықәшәалар ауан.
– Уи уаанӡагьы убас иҭыԥахьазар ҟаларын, иахьхықә
шәалаз иҵегь аҽаҟьар, са сахьымӡаргьы, аӡыҷҷа иала
шәон, иахьыԥоз дырны хәыҷык ибрызшәоуп ишыҟа
ла... Насгьы егьи агмыг алаба иаршәазаргь, иаахазаргь
сгәахәын...
– Урҭ лақәоуп... Ауаҩы цәҟьарас дрымоуп... Имариа
рбеит – иҿылоит, иҿалоит... Ҳаӷоу-ԥсаӷоу игәылацәахаша...
– Ак уасҳәап, Ҭамшьыгә, шьҭа иҳаркьаҿлап, – иҳәеит
Чагә.
– Жәжәы ахьаҳәоз уԥшааит, аха ԥс-гьы аҳәоума, з-гьы
аҳәоума, урҭ шԥыкәу? Бзы – еилкаауп аха, – деиҭаҵааит
Ҭамшьыгә.
– Убри жәжәы ахьаҳәоз ҳәа сахьаҿыз лада инацәхыкны
акәара аӡҭаларҭа аман, азԥаҩк, азхак ҳаракын, егьи аҿықә
лаҟәны ԥслымӡран. Убра сылаиан. Шьҭа сагьхәыҷцәамызт.
Аԥаҩ ҩбаҟа метра иҳаракын, иалшәшәан цыра-цырала
икыдышәшәан аԥслымӡ, аҳалӡӡ алеира иалагеит. Аҵа
ҟа иахьылаԥсоз цәаакын ԥық... ԥық... ԥық... зны ԥықә...
ԥықә... ԥықә ҳәа аарла иуаҳауа абжьқәа го рҿаархеит,
анҵәамҭа анумаҳауазгьы ыҟан. Абри ԥы злымҳа адҵан
изаҳаз ажәытәуаҩ иоуп аԥаҩ, аԥан, аԥанах(а), аԥсҭа, аԥс
лымӡ, аԥарҭа... ҳәа ахьӡқәа ахылзырҿиааз. Изакәыз иара
иаҳәоны иаҳаит. Ҵаҟа иаҳа иахьхҩаараз пық... пық...
пықә, пықә... акәын иахылҵуаз. Иҭысны ицо аӡы ццакызар сс... ҳәа ашьҭыбжь ахылҵуеит, уи аԥслымӡ иаҳәаргьы
ауеит, ԥсы, ԥыссы – аԥан иҭоу, аԥсҭа иҭоу, агәаҩа иҭоу аӡы
ауп, ари уара иуздырам ҳәа акәым, аха, – иҳәеит Чагә.
– Уа уиашаҭгьы! Аӡы – уи абаҳәо ҳәа иудыруеи?
– Сахьылаиаз аԥслымӡ аӡы ҩыласҭәан слымҳа ладҵан
саназыӡырҩ, ӡық... ӡық... ӡық... Зынгьы ӡықә… ӡықә…
ӡықә... ҳәа абжьқәа, аа ҳахьыҟоу ҳаубоума, рҳәозшәа иаа
цәырибаҳәеит; аҵыхәтәантәи қ ма қә анумаҳауазгьы
ыҟан. Ус аԥслымӡқәа зегьы ирҳәаӡом, уақәшәароуп, насгьы ԥхынразароуп, аӡгьы аҟәандақәа иреиуазароуп,
аԥшагьы ыҟамзароуп... Абриала ажәытәӡан аԥсуа иарбан дгьылыз дахьаныз, аҳауагьы зеиԥшраз еилукаар алшоит – зегь ҳбызшәа иануп... – иҳәеит Чагә, нас: – Шьҭа
иҳаркьаҿып, Ҭамшьыгә, иара усгьы исроуцәеит, сҭак
иахуҳәаауазеи? – ҳәа днаиазҵааит.
– Иуроузаргь, ус аҭахын. Егьыс, ҳарҭ ҳаинзраалода,
Чагә? Рыҵа аҵыхәала еимаҳкуа арбану? Ахыбжа баша
иқәсҵама, атәыҩа ҩызӡа?! Даҽа хәыҷык сзацҵа!..
– Уара, слабашьагьы аҵларкәыкә иасмырҿаҟәеит,
Кәыдырҭантәи Бзыԥҭаҟа, Рыҵаҟа сууаӡа сыԥан скаууа
салааит. Уа Кәыдырҭа иҟаз ара Рыҵагьы иҟазаап, избеит,
аха шәеинраалара атәы уадаҩхеит... – иҳәеит Чагә.
– Избан?! Иззакәи?!
– Избан уиоуп, Рыҵагьы мрагыларахьтәи арҩаш аҭы
ҳәрыкь бааԥсызаап, алеишәа цәгьоуп, аҳалӡӡ, аҵҳәа ҭҳәа
ны иааганы иҭажьуа мацара, иахьалало уарҭалк инеи
ҳаны аҿықәан адәы ҟанаҵахьеит. Мышкы ахы мышкы
аҵыхәан, мышкы зны аӡҭатәа зегьы анаркраны, иар
ҭәраны иҟоуп, идәхоит. Аха уажәы ари иҟанаҵахьоу адә
ҳәыԥш гыларҭоуп, калдахәараа, бзыԥҭаа, алаҳаӡаа, лӡаа

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13
- Büleklär
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3683Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22620.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3647Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3613Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3759Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21320.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3624Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3581Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3571Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3713Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3623Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3575Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3723Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3737Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22360.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3771Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3737Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3663Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3428Unikal süzlärneñ gomumi sanı 14510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3327Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3771Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3728Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 553Unikal süzlärneñ gomumi sanı 4220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.