Latin

Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11

Süzlärneñ gomumi sanı 3713
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
кәшеит Чагә.
– Сақәшаҳаҭуп, – иҳәеит Қәаҵәарагьы, иагьнаци­
ҵеит: – Ашәы-ԥсуалагьы, абазалагьы аӡҟы анцәа ихьӡуп,
аха еихырҩашьалатәым, – ҳәа.

Ахԥатәи азҵаара Ԥлыи Бырдыӷә итәын.
– Чагә, сара абри аҩыза азҵаара сымоуп, – иҳәан, дналагеит уи. – Ажәытәуаа ус рҳәон, ауаҩы есқьы­нагь деи­
ҭаҵуеит, деиҭаԥцыԥхьаӡа ихәышҭаара ду дазааи­гәахоит,
аха уанӡа дзынаӡом ҳәа. Днаӡаны дҟаларгьы, дыҽҳәаиа­
ны дмыцәароуп, мамзар дҭахоит ҳәа. Ари аказы иҳәоуп,
ак аанамгаӡо иҟаӡам. Акыр сазхәыцхьеит сара абри. Уара
утәа­ла изхыуҳәаауазеишь?
– Дырҩегьых «аҳәаанырцәтәи» азҵаароу?!
– Мап, ари зҵаара «кәымпылуп!» Зегь уахь ҳаҵа­
накуеит...
– «Ахы кәымпыл», «аҵәа кәымпыл», «ахаҳә кәымпыл»
уҳәа акәымпылқәа рацәоуп, аха «азҵаара кәымпыл» ҳәа
смаҳацт, – иҳәеит Чагә дԥышәырччан.
– Абри аҭак аныҟоуҵалак, «изыкәымпылугьы» уҳәароуп.
– Уара, Бырдыӷә, издыруада ари узҵаара зынӡа «икәым­
пылымзар», маҷк аҟара еидырҟьаҟьалашәа иҟа­зар?!. –
дҵааит Чагә ирхәмарны.
– Мап, ампыл еиԥш «икәымпылуп»!.. – иҳәеит егьигьы.
– Ампыл еиԥшҵәҟьоу?!
– Ампыл закәыхи, иҵегь, аиҳагьы икәымпылуп! Зегь
аркәымпылуеит, иамҵанаркәымпылуеит, убас иҟоуп!
– Уара, ампыл аиҳа икәымпылу ҳа ҳахь акгьы ыҟаӡамеи,
шәахь ус крыҟоума?!.
– Шәа шәышҟа ишԥаҟам, «Кьараз» Кәыдры ианнеи,
аӡәы устәи дхықәтәалан аразина мпыл, аԥсышәала иуҳәо­
зар, апач мпыл имҵаҵан ацәра даҿын, дагьаҟәымҵит...
Иу­маҳаӡеи?..
– Ицәуазу ишьалашьынуазу?!.
– Ицәуан, арҭ инеиз рыгәхьаагьы имкит, дагьыр­ԥым­
леит... Уи уара иузымдырӡози, мшәан?
– Аԥхаҳә ахьишьуазҭгьы?! Импыҵҵәраан имцарцаз?..
– иҳәеит Маҳҭгьы дԥышәырччо.
– Ицәуан. Лакәаба аланарԥшыга-бинокл дкылԥшны
игәеиҭон. Аԥхаҳә иван, нас иахьишьуазу, ихьишьуазу, изхьишьуаз уи сеидро...

– Изиҭахыз, уара, иуеиԥсхь сҳәап, арҭ инеиз рыгәхьаа
мкыкәа, ампыл цәуа егьиуа?!. – иҳәеит Чагә.
– Еиӷьны иркәымпылуан... Убас ҟазҵақәо рымпыл­қәа
ҳазрымхыр, акахьы ҳкылсыр ҟалап...
– Уи, са дызбар илымҳа аҭаҩра бзиастәып, импылгьы ихы ашыгә иаахап, иаргьы апач еиԥш деи­ҵыр­хуа
усырбап,34 убриоуп иқәнагоу!.. – иҳәеит Чагә­гьы дааз­
ԥышәырччан, нас инациҵеит: – Егьи, уара узҿу аҳәамҭа,
абжьуаа рҟынгьы ирдыруеит. Сара сахьахәаԥ­шуала, уи
зызҳәо Амроуп – зегьгьы ҳхәышҭаара ду ауп. Еснагь иҟоу
ҳәа акгьы ыҟаӡам, изларҳәоз ала, ажәытәан Амра иаҳа
иӷьын. Хәыҷы-хәыҷла аихсыӷьра, аԥсыҽхара, атәара
иаҿуп, иуҳәар ҟалом, иҵасым, акәымзар. Ус анакәха, ауаҩы
хакы, дунеик анылҳәалак, уи аҟынтә даҽа хакы дунеик
ашҟа деиҭаҵуа Амра азааигәахара даҿуп. Аҵыхәтәантәи
адунеи аҟны даннеилак, Амра зынӡа еихәлакьиаанӡа, даҽа
хәышҭаара дук – даҽа Мракы ашҟа дзиасуазар диасроуп,
мамзар дҭахеит... «Даннеилакь, дыҽҳәаианы дмыцәааит»
зыхьӡугьы убриоуп. Узҵаара зыкәымпылугьы Амра иазкуп, Амрагьы кәымпылуп, убриоуп. Уақәшаҳаҭума?!
– Сақәшаҳаҭымхар сабацои, – иҳәеит Бырдыӷәгьы
даа­ԥышәырччан, иагьнациҵеит: – Уажәы абри анаҳҳәа,
уахык сабду Еҵәаџьаа сырбо, абнантә ҳааит ҳәа рҳәон
ажәытә ҳабдуцәа ҳәа ииҳәаз схашҭӡом. Уаҩгьы иоумҳәан,
еилызкаауа ҳәа аӡәгьы дыҟам, иухыччоит, амала мышкызны уԥылҵ рԥыск дҟалар, иаҳәа, сара сабдугьы убас сеи­
ҳәеит, иҳәеит.
– Аԥылҵ ҳәа узҿу амаҭа иами? – дҵааит уажә Чагә.
– Ааи. Аԥылҵ рԥыс, аԥылҵ ԥҳа – абас иртәан жәытәан...
Ахылҵ, аԥылҵ, умбои ишыҟоу... Нас сабду ус иҳәеит,
ажәы­тәан Еҵәаџьаа зхакыз аҿа зныз аԥсуа-база, аԥсуаашәы бираҟгьы ыҟан, иҟаԥшьын ҳәа рҳәон ҳәа, – аҭак ны­
ҟеиҵеит Бырдыӷә.
– Сабдугьы убас сеиҳәахьан, санмаҷыз, Еҵәаџьаа даҽа
жәытә хьӡыкгьы рыман, иӡхьеит ҳәа... Абираҟ ҳәа узҿу,
Апач(а) иеиԥш деиҵырхит, деиҵихит ҳәа усгьы рҳәон.

аҭарчеи аԥшь ахҿа ахы еиԥшшәа «иҿыԥсан» ҳәа усгьы
саҳахьеит ҳәа убригьы иҳәон. Еҵәаџьаа зныз аԥсҳа иаса
кәылӡ акәын ҳәа ус зҳәозгьы ыҟан, – иҳәеит Чагәгьы.
– Усгьы рҳәон, иашоуп. Џьгәаҭ зыӡбахә иауҳәаз абираҟ
ҟаԥшь еиԥшыз аԥсуа-абаза, аԥсуа-ашәы иатәыз ҽакгьы
ыҟан рҳәон. Уи аҭарчеи аазыхәхәа-аазыкәымпылны,
акәты кәтаӷь абжа еиԥшны аҿа Ахаззеи ахакны ианын. Уи
акы иамаанан, акы иадырган, аха изызҳәаз закәыҵәҟьоу
аиаша сеидроу – ма Амшын Еиқәа мрагыларахьтәи абыз
артәашьа акәын, ма Ҳадгьыл абжоуп, мах идаҽакуп ҳәа
усгьы ацырҵон. Ианҵаз аҿа Ахаззеи баша иахакымзар
акәхарын, «абриоуп» ҳәа акәу, иақәкны ак днарбон, –
иазгәеиҭеит Бырдыӷә. Уи иарԥысраан Шьам акәу Мысраҳ
акәу дцан даахьан.
– Ахаззеи ахы ануп ҳәа баша ирҳәозма, ҳара уа ҳна­з­
гауазеи акәымзар, изыхҟьах уазҳәода, аха «ҳаб­ник­хьеит»...
Убрахьгьы анеира аамҭак амазар сгәахәуеит... – на­ци­
ҵеит Чагәгьы, иагьынаҵишьит: – Еҵәаџь, Еҵәаџьа ма
Еҵәаџьеи, Еҵәаџьын ҳәа абасгьы ыҟан. Уи Еҵәаџьаа
ракә­­ӡамызт, ҭаҷкәымк иаҟараны иубон, насгьы Ҳадгьыл
аҟынтә акәмызт иахьубоз, Ахаззеи уқәгылазар акәын
ҳәа абас иҳәон Ҷлоу инхоз ажәабжьҳәаҩ Абыҭәба Ҷул.
Уи аеҵәақәа – агақәа, ахақәа рыхьӡқәа даара издыруаз
иакәын. Аеҵәа гәаҩагьы ыҟан ҳәа усгьы иҳәон35.
– Аеҵәа гәаҩагьы ыҟан, ахахьала иҭалан иҭанхон, иаӷ­
ранхон, хыхь узықәынхомызт ҳәа усгьы рымҳәозиз.
– Ажәытәуаа ирҳәоз уҳәар: ҩ-Мзак ыҟан, Адуи
Ахәы­ҷи ҳәа рҳәон, Амрагьы зны ҩбаны ианеимҿаҵаз
ыҟан ҳәа у-гьы ацырҵон... – иҳәан, даацәажәеит аӡбаҩ
Маҳҭгьы, нас Бырдыӷә ихы наиқәикын: – Уажәшьҭа егьи
азҵаарахь ҳаиасуама, уахь ҳхы ҳархар шԥоубои? – ҳәа
днаиазҵааит.
– Ҳаиасуеит! Ибзиоуп! – иҳәеит Бырдыӷә. Уажәы Жьи
Абзагә иакәын аԥшьбатәи азҵаара ҟазҵоз.
Иахыԥраан ицоз амҩаныза излагәанаҭаз ала, Сатурн убас
игәаҩазаап. Уи иадҳәалоу аҳәамҭақәа даҽа ҩбагьы ыҟоуп...
– Сара сызҵаара «ҳаракуп», – иҳәеит Абзагә дааԥы­
шәырччан. – Уажәраанӡа шәызлацәажәоз иара Амра ахаҭа
ахьӡ иҳанаҳәозеи? Абригь аҵанакуам умҳәан, Амра бзиа
иумбои, уажәраанӡагьы шәалацәажәон.
– Амра бзиа изымбода, ариаҟара ас ануҳәах, ҳҩыџье­
гьы ҳҷыҷны ҳақәнаҵозаргьы сахцәажәоит, – иҳәеит Чагә­
гьы, иагьааибарччеит. – Аԥсуааи абазақәеи Амра, Ма­ра,
Мар... ҳәа абас иашьҭоуп, ари уажә иубама, Абзагә. Иҵегь
жәытәан Ра, Реи, Ры ҳәа усгьы ыҟан рҳәон. Дырҩегьых
иҵегь наҟ жәытәӡан Ӷӷа, Ӷӷы, Ӷӷеи ҳәа иртәан. Аха абарҭ
ҩба-ҩбала иҟаз ашьҭыбжьқәа кьаҿхо, акахьы ииасуа ианалага, иԥшӡамхаз ҟалеит, убри аҟынтә р ашҟа ииаргеит.
Ӷьы, Ӷьа, Ӷьеи, Гьеҩ ҳәа усгьы ыҟан, урҭ ус инхеит, иахьа
рацәак рхы иадырхәом, аха. Арҭ еиқәысыԥхьаӡаз ажәытә
хьыӡқәа илашо, ицоу, ишу, иӷьеҩу, узбылуа уҳәа убас ала
ицәажәоит, уи уара иуздыруам ҳәа акәым, аха. «Ажәла»
ҳәа ус узырбогьы ыҟоуп – ӷьа, аӷьа аҟынтә, ииашангьы зегь
зхылҿиаауа, изхылҵуа иара Амра ами. Ра ҳәа ирҳәогьы
абрантә ауп ахы шакуа. Абасоуп, иахуҳәаауеи, Абзагә?
– Ибзиоуп, аха иҵегь уахцәажәар сҭахын, умбои, Ам­ра
Дуӡӡа анакәха.
– Ажәытәан Амра иҵегь аԥсуа-ашәы хьыӡқәа аман:
Шьашә-Ра-ҳа, Шьашә-Ра-ӷәа, Шьашә Ду, Шьашә-Ра-гьгьа;
Азз-Ра-ҳа, Азз-Ра-ӷьы уҳәа убас иҵегь. Аҵыхәтәы шьҭыб­
жьқәа амазашәаррахь иартәахьоугьы ыҟоуп.
Ус акәзар, хар умам, аха шьҭа сызҵаара «заҳараку»
атәы ҳазцәырга!
– Цқьа уазхәыци даба, Абзагә, узҵаара «ҳаракыҵә­
ҟьоумашь?» Уамжьозааит!..
– Мамоу, иҳаракуп!
– Уа хәыҷык агха ухьит, Абзагә, шьыжьи хәылбыҽхеи
Амра ҳаракны икыдума, узҵаара «злаҳаракхои?» Шьы­
бжьон акәзар ҟалап уи суҭарц ануӡбыз, Амра ухы иа­
нықәшуаз сҳәаргьы, уажә шьыбжь абаҟоу, мамзаргьы
цас иуҳәеит, сақәшаҳаҭхар, салаублырц, – иҳәеит Чагә
дааԥышәырччан.

– А-ат, аԥсра умоундаз, ишԥоудыри, убри умҳәар далазыблып сымҳәази!.. – ҿааиҭит Абзагәгьы дыччо, итәазгьы
ааибарччеит.
Абри ашьҭахь ахәбатәи азҵаарахь ииасит, уи изҭоз
Кәарцхьхьеи Дажь иакәын.
– Гагра ахьӡ азы ҳган ашҟа згәаанагарақәа еиқәымшәо
ыҟоуп. Абри ахьӡ иҳанаҳәо ҳәа иудыруеи? – дҵааит Дажь.
– Уи га-гра, га-гры ала уахәаԥшуазар, амшын аԥаҩ,
аҿықә аԥаҩ, ҽакала иуҳәозар, ацәыҵагәаҩара, аӡы ахьҭало
аԥаҩ ҳәа ицәажәоит, ҩ-ҵакык амоуп.
– Га-мга, га-мгы амшын амгәа ҳәа шҳанаҳәо еиԥш,
жәытә ашәы-ԥсыуала мга – амгәоуп.
– Усоуп. Амшын аԥаҩ маҷк Гагра иҩацәхыкны иамоуп,
убри анаҩс даҽа ԥаҩкгьы ыҟоуп. Убарҭ, аҿықә ҵаҟала адгьыл иҵданы, аӡгьы ҭаҵәо, анышьқәа ҭаныҟәартә еиԥш,
еимадазар ҟаларын ажәытәан. Иахьа зынӡа аӡы ахыҵәарц
егьагым амшын иахьацлаз иахҟьаны. Изларҳәоз ала, уб­
ра аҭаларҭа, аҭыҵырҭагьы, амца зхәылҟьоз агәылшьап­
қәа ирыхьчон, рҽыҵәахны иахаҩон, абылгьгьа дуқәагьы
аман. Жәытә ԥсуа-ашәыла агра зыхьӡу ҭагәаҩароуп,
аԥаҩ адагьы ҳаԥҵас, амала омак иҭбаамкәа, ихәхәаны,
та­кәы иҭагалан иҟазароуп. Гагра иаан инхаз апринц
Оль­денбургски, аҵара ду змаз ауаҩ излеиҳәоз ала, убри
аҭыԥ ажәытәан аибашьраан рхы иадырхәозар ҟаларын...
Уа џьара-џьара убас еиԥш иҟоуп анышьқәа рхала иуз­
ныжьӡом, иара ашхәа акәзаргьы, иааган аԥаҩ, аӷра ихәы­
ҵанагалар ҟалоит, убас иеисуеит амшын; иҟоуп иахьеи­
кәнаршо, иахьеикәанарҵәиуагьы. Аха уи иара Гагра аҟ­
ныҵәҟьа акәӡам, уаҟагьы агәҽанызаара цәгьаӡам, аха,
ишысҳәахьоу еиԥш, маҷӡак иҩацәхыкны ауп. Амшын
аҟ­ны еснагь агәҽанызаара аҭахуп, аиҳарак уахынла – иа­
гьаџьара иаҳзымдыруа иагьа амоуп, иагьа ҭоуп...
– Гагра аҿықә ҭахәалоуп, игруп, аӡгьы еихыкәшоит,
еикәнаршоит, убригь «гыруеит» ауп, Гагра ахьӡ абас ала
иртәазаргьы ауеит. Аӡыблара ҳәа ицәажәошәагьы унарбоит.

– Гаг-ра ала ҳахәаԥшуазар?
– Ус ала ҳахәаԥшуазар, гаг аԥсуа-ашәыла х-ҵакык
амоуп: ажәҩа ма ажәҩахыр, амшын ацәқәырԥ ду, аблыгаг. Ари аҵыхәтәантәи, жәытәла, агаҿагьы иҭашәарыцо
гәылшьап жәлоуп, аиҳарак уахынла... Ҭагалан ан­ҵәам­
ҭаз, азын, ааԥын алагамҭаз Гагра амшын ӷәӷәала аисра адыруеит, даҽакала иуҳәозар, игагуеит – жәҩала
икшоит, жәҩала аҟәара иасуеит. Убри аҟнытә Гагра –
амшынеисырҭа ҳәа ус ала ицәажәаргьы ҟалоит. Уатәык
исеиҳәон, амшын анеисуаз зны ацәқәырԥ агәақь­ҳәа
аҿықә ианас, ааи­гәа сахьгылаз саацәшәартә иар­ҵысит
ҳәа. Уатәи ашь­хақәа ӡы рымаӡам, ирыӷрало-ирыӷ­
рысуа иалагахьеит, кьыр­ҳақәоуп азы, амшыни да­реи
усала еимадазаргьы ауеит. Иара Гагра иахьа­балак­
гьы, џьара заҵәык ада, ӡы замамгьы убриоуп. Гагра
аҩхааҿы, аԥсҭаҿы, ҩада-мраҭашәара иамоу жәҩа­ҩкәа­
ра алаҳамҵозар. Аха иара убригьы ашоу­рақәа раан
иҭабоит... Амшын иҭало изы Гагра аҿықә иацәы­хара­
ни иҵаулани аӡсара аҭахымзаргьы, ара амшын аӡы
иа­ҳагьы икеикеиуа ицқьоуп, избанзар ааигәа-сигәа,
қәоу­нашьҭахьгьы, изырхәашьуа ҳәа иалало ӡқәа ыҟам...
Уажә­раанӡа сызҿыз акәара ахьӡ аҵакқәа акымкәа-ҩбам­
кәа иамоуп, амшын иахьалалогьы аҩ иҵалоит. Жәы аҩ
акәара аҟнытә акәзар ҟалап ахьӡ ахьынтәаауа, жәытә­
ӡатәиуп, иаҳа ииашазаргь ҟалап ҳәагьы исԥхьаӡоит.
Жәы, Жәытәа ажәытәӡан ара иқәыз аӡы-мшын ахьӡ
ами. Убри Жәы аҩ иахылҿиаауазаргьы ҟалап Гагра ахь­
ӡ­гьы, даҽакала уахәаԥшуазар.
– Убра акы суазҵаашан, Чагә? – иҳәеит Дажь.
– Ыы?
– Пицунда, Алаҳаӡы аганахьала убраҟагь Гагра еиԥш
амшын ӷәӷәала аисра адыруеит, ицәқәырԥоит – игагуеит
– жәҩала, жәҩахырла икшоит, аҿықә ирӷәӷәаны иасуеит.
Урҭ аҩҭыԥкгьы еиԥшуп, рацәакгьы рыбжьам, еизааигәоуп,
убраҟагьы Гагра ҳәа захьӡрымҵеи? Ана ианахьӡырҵоз? –
дҵааит Дажь.

– Саргьы акы суазҵаашан, Дажь? – иҳәеит Чагәгьы.
– Иззакәи?
– Иаҳҳәап, ҩыџьа аԥацәа умазар, арҭ еиԥшуп, арԥар­
цәоуп ҳәа аҩыџьагь хьӡык еицруҭозма?
– Ус убахьоума?!
– Нас ана Гагра ахьӡырҵеит, авараҿгьы ус хьӡыс иар­
ҭозма? Алаҳаӡы – алаҳаӡ, алҳаӡы ыҟоуп, ажрақәа алдан,
иалҳан аӡы зго, еизызго, изҳауа. Алаҳаӡы, Алҳаӡы захь­
ӡырҵазгьы убриоуп. Иара Пицундагьы аӡықәлара, аӡы­
қәтәара адыруеит, аиҳарак аӡыни ааԥыни. Жәытәан Пы­
тыусса, Пытунҭа, Пытунда захьӡызгьы убри акәын. Ппа­
тыжәагьы ыҟан, – иҳәеит Чагә. – Егьыс, даҽа усуп, Гагра
уаҳа ҽа ҵакык амазар ҳәа азхәыцра. Уи аган ахь ала уара
уиашоуп, саргьы сиашоуп ҳәоуп ишыздыруа.
– Са стәала макьаназ ибзиан уааиуеит, – иҳәеит Дажьгьы. Нас: – Чагә ара зегь ҳаиқәпапан даҵахаргьы сҭахцәам,
иаргьы ус илоушьҭуа иакәымзаргьы. Ҳара ҳаисоит, аха
иара дсасуп, – нареиҳәеит.
– Уи аҵыхәтәан иаабап, – аахиҳәааит Маҳҭгьы. Нас
Чагә ишҟа: – Крацуҵома?! – иҳәан, днаиазҵааит.
– Ааи, – иҳәеит Чагә, иажәагьы инациҵеит: – Иара
уб­­ри Пицундантәи ма Алаҳаӡынтәи иахьазыманшәало
уҩықә­­гылан ашьхарахь уԥшыр, Мамзышьха ахы атыҟәра
ккаӡа иубоит, иара азыҩада мраҭашәарахь ала ажәҩагьы,
аԥелуан ижәҩахыр еиԥш, иџаџаӡа, ихәхәаӡа, маҷк иааз­
хьыԥсааны, 15-ҟа километр раҟара аҽроуны Гагра ина­
ӡаны Жәаҩакәара, Жәҩаҩакәара аԥсҭа, Гагра аԥсҭа, аҟны
иахьылбаагоу унарбоит. Ари Жәҩаду ауп, ҽакала иуҳәозар
– Гагра... Ара уажә иамоукыргьы ҟалоит, ажәҩа акаҵәара
амоуп, ижәҩаӡам ҳәа. Аха уи акаҵәара ҩадала хыҵырҭа
амаӡам, мцы-каҵәароуп. Уара ишуҭаху иԥхьаӡа, сара уи
Мамзышьха ажәҩа акәны сахәаԥшуеит... Насгьы убас
ақәсҵоит, Пиҵундантәи ишунарбо, ишубо еиԥш, мшынла иныҟәоз, мшынла иаваныҟәоз ажәытә аԥсуа-ба­зақәа,
аԥ­суа-ашәқәа роуп убас избоз, уи ахьӡгьы азҭаз ҳәа.
– Гаг зыхьӡу жәҩоуп?!

– Ааи, усоуп. Уи атәы сҳәахьеит. Аидара гага, гага –
жәҩа... умбои ишыртәоу. Ари – Аԥсны мшынҿықә иацу
ахәқәа, аҟәқәа зегь реиҳа иҳаракуп, жәытәла иуҳәо­зар –
ираҳауп, Гаграгьы, ганкахь ала уахәаԥшыр, иара акә­за­роуп.
– Кәыдырҭагьы иҟами Жәҩаду, Пеихә ҳәа ашьхақәа,
ашьхахьыӡқәа?
– Иҟамкәа!
– Жәҩахыргьы Гагра ҳәа ицәажәошәа збоит.
– Жәҩахыр – гагхыр ауп. Жәҩаҩа, жәҩаҩы – гагӷыр
ауп; ҩа, ҩы, ӷыр, ҟыр!.. – ӡы змам, ӡы нызымкыло аҭыԥ
ҳәа усгьы ицәажәоит. Гаграгьы ӡыржәтә амаӡам, џьара
заҵәык ада... Жәҩаҩакәара ахьӡгьы, ганк ахь ала, абриоуп иаҳ­нарбо, уи иахаршалан, даҽа хы-хьӡыкгьы амоуп
аха.
– «Азанҭҳа» аҟны ҳ шыбжьшәаз еиԥш, гагӷыр аҟынгьы
ӷ маӡашәарахеит.
– Ас ала ус ауп. Егьыс ала, даҽакала гаг, гыг – блыжәлоуп,
блыгагуп, гәылшьапжәлоуп. «Гагра» убарҭ рзы, рӡыжәырҭа,
иахьамоу аҭыԥ ҳәа усгьы цәырнагоит. Ажәытәан гаг
рҳәомызт, ахьӡ ршьон, «ажәҩа» ҳәа иашьҭан...
– Ажәҩа дагеит рҳәон ак ҟаларгьы. Саргьы ирҳәоны
иса­ҳахьеит, уиашоуп. Абри адагьы иара Гагра даҽа кәа­
ра хәыҷык, ӡыҷҷак алсуеит, уигьы аԥхын иҭабо егьиуа.
Ԥсҵәыр акәу акалагьы иашьҭоуп, аҵәры жәытәла ихәы­
ҷуп ҳәоуп иаҳәо, ажәҵәры шырҳәо аиԥш... Гаграгьы
ахьӡуп. Ажәҩа, Гаг аҟнытә зыԥсы зманы иаауа иарак ауп.
Абри иахылҿиаазаргь ҟалоит Гагра ахьӡ. Узқәымгәыӷуа
аҳәак иҟәнуп рымҳәои...
– Уара, Чагә, еиҭа акы суазҵаашан, – иҳәеит Дажь.
– Ыы?
– Гагра ахьӡ иаҳәозеи ҳәа хар змам аӡә дуазҵаар,
абыржә иаауҳәаз зегь иоуҳәома? Иуркьаҿуоу? Иркьаҿны
акәӡами ишаҭаху, абри абриоуп ҳәа?..
– 30 мааҭ ықәиҵозар, еиҳаны иацҵангьы иасҳәоит,
иҭахызар исыркьаҿуеит.
– Уи шԥа? Иацуҵо арбану?

– Жәытәла га-ггра-га-гга... ҳәа абасгьы ыҟан ҳәа унарбоит, умаашьакәа унеин ага аҟәара унахәаԥшыр. Уи иԥҽ­ҽу,
жәытәла – иггоу, ахаҳәқәагьы ирыхьӡуп, еиҟәыршәшәоу,
еиҟәырԥԥоу. Уа аҟәара, егьырҭ рылымкаа, убас иҟан, иа­
хьагьы ашьҭа-мҭақәа убоит, амшын иарҩызхьеит, иар­
кәым­пылхьеит, аха.
Егьыс, агра ҳаԥыжәлоуп, га-гра – ага аҳаԥы ахьамоу
аԥаҩ ауп. Еилукаама? – иҳәеит Чагә дԥышәырччо.
– Уаҳа кры аԥуҵома, уа унгыло?
– Саангылаӡом, цасҳәангьы! – иҳәеит Чагә, иагьаарччеит. Нас иагьнациҵеит. Абра иҳәатәуп саӡӡ-ԥсуа цәа­
жәашьала Гагра – ахәада ду, ашьха хәада дуқәа ҳәа иш­
цәажәо. Какара иаҳәогьы убриоуп. Дара асаӡӡқәа зыԥсы
ҭаны аибашьра иацәынхаз хҵәаны мшыннырцә ицеит…
Аҟамақәа рҭыԥан аса-ӡӡақәа, аса маҷқәа ныҟәыргон,
ирым­ӷамҵакәа раԥхьала ирымӷыҵаҵаны. Иара аҟама
аас­ҭа еиҳауп, аха аса аасҭа еиҵоуп, асаӡӡқәа зрыхьӡызгьы
уиоуп, ас-аӡӡ-ԥсуақәа ҳәа. Уи зыхьӡу иҵегь ыҟоуп, аха
ара абасоуп. Гагра, Гаг – ҳа ҳцәажәашьала Гәагәра, Гәагә,
Гагәра, Гагә… роуп. Нас ауаагьы ирыхьӡырҵо иалагеит, –
иҳәан, дааҭгылт. – Исцәоухазаргьы, узҵаара аҭак сзы­ҟа­
ҵан убама? – дҵааит аҵыхәтәан.
– Хар умаӡам! – иҳәеит Дажьгьы, – Гагрыҳәҭгьы ыҟан.
– Ҩба рылагьы иртәан. Уи адагьы убра ахыкәшарҭа
ажәытә мҩахәасҭагь амоуп, Жәҩахыр ахьылбааго аԥсҭа­
ҿы, хаҳәраны, аарла ианубаалоит, мрагыларахь ала уава­
ԥшыр, «Гагры» убригь иахылҿиаауазар ҟалоит...
– Маҳҭы, Чагә ишҟа уаҳа зҵаара сымам, шьҭа шәара
иацышәҵа! – иҳәеит Дажь.
– Ибзиоуп, афбатәи азҵаараз Ладареи Ҟансоу ҳаи­
зыӡырҩып! – иҳәеит Маҳҭгьы.
– Чагә, Гагра Аԥсны мшынҿықә ашьхара ахәқәа зегь
реиҳа иҳаракуп умҳәеи? – дҵааит Ҟансоу.
– Усоуп.
– Бзыԥ аҩхаа, аԥсҭа астәи аҭаларҭаҿ иамоу ашьхақәа
иаҳа илаҟәу еиҳараку?

– Урҭ амшын жәабаҟа километра иацәыхароуп, мшын­
ҿықәтәиқәа ракәӡам. Са ишысҳәаз амшын иаԥну ҳәоуп.
– Нас, урҭ ус ибзиан иудыруазар, рыхьӡқәа ҳаҳәа!
– Ара уажәы ҩ-зҵаарак цәыругеит: Бзыԥ аԥсҭа аҭаларҭа
арӷьарахь иамоу ашьха ахьӡ – акы, армарахь иамоу ахьӡ –
ҩба. Ҳара аиқәшаҳаҭра ҳнапы злаҵааҩыз ала, – иагьаарч­
чеит, – аӡәы ҩ-зҵаарак рыҭара азин имаӡам, ус ҟаз­ҵо
ибжьы имырхуеит, – еиҭаарччеит. – Урҭ рыхьӡқәа аныс­
ҳәалак, «рыжәлақәагь» уҭаххозар акәхап.
– Сара зҵааракоуп иусҭаз, аха ашәақь еиԥш еимҿа­
ԥоуп, убригьы акоуп, аха еимҿаԥоуп, – иҳәеит Ҟансоугьы
даа­ԥышәырччан. – Бзыԥ аԥсҭа, аиҩхаа астәи аҭаларҭа
акоуп иҟоу, аха нырцә-аарцә ҩ-шьхакы амоуп, умбои
изых­­ҟьа, сара егьсхарам, – изаҳазгьы аарччеит.
– Уара, Ҟансоу, ари ас, бзыԥаа дуқәа, Гәдоуҭатәи алаф­
ҳәаҩцәа ҿыцны иазышәыӡбыма? Сара ҳаҭыр, пату шәықә­
сҵоит, – арахь шәара ақәҵа згар ҳәа шәшәаны, ашәақь
еимҿаԥа сықәкны сшәыршәоит, ашәақь еимҿаԥ хҵәаха!
– иҳәеит Чагә, – иагьаарччеит. – Мамоу, егьырҭ аласкуам,
уа­ра уоуп изхароу, ираԥшьызгаз.
– Аԥсны аԥсуаа ашәақь еимҿаԥақәа хҵәаны иԥхасҭар­
тәӡом, ус рыздырӡом, аиҳарак гәдоуҭаа, – Чаҵә «дааириашеит» Ҟансоугьы аччаԥшь ааиҿықәххын, иагьнаци­
ҵеит: — Ииашаҵәҟьаны, Чагә, иусҭаз азҵаара уадаҩуп.
Избан уҳәар, ҳцәажәаҩцәа дуқәа, ҳҭоурыхҳәаҩцәа ргәаа­
на­га­рақәа цқьа еиқәшәом, шьоукы Мамӡышьха рҳәеит,
шьоукы Мамзышьха рҳәеит, – шьоукы егьи азы Мзахала
рҳәеит, егьырҭ Мсахала рҳәеит. Еимаркуеит, еимҵар­
куеит, аха аиаша рзыԥшаауам.
– Урҭгьы иашоуп, егьырҭгьы иашоуп! – иҳәеит Чагә.
– Уи зла?! Ишԥа?
– Мамӡышьха – аӡы змам ҳәа ицәажәоит, уи ажәҩагьы
жәҩаҩа ауп, ӡы амаӡам. Егьи, Мамзышьха – Маамзышьха
анакәызгьы ыҟан, маа ду – амаа, ажәҩа ҳәагьы ицәажәон,
иҳараку ҳәагьы. Амаамзы, амаамыз ҳәа амзаҵла жәлагьы
ыҟан, аққамыз ҳәа шыҟаз еиԥш, ҩбаны еимҿаԥахон, ак

духон, инааны ицон, егьи – хыхь, ҵәҩанҵәы иахагы­
лон, иаҳа ихәыҷхон, иларҟәны иамтәыруан. Амтәыр ам­
ҳаҵә(ҵә) ахьӡын, ҳ аныбжьшәа нас (а)мамыз, (а)мам­
зыҵла ҳәа иҟалеит, мамзышьха ҳәагьы иартәеит... Ари
ашь­ха ахьӡқәа аҩбагьы абасоуп ишыҟоу... ииашоуп зыс­
ҳәаз­­гьы убриоуп. Иара иҵегь рыла ицәажәаргьы ал­
шоит, аха аригь азхап. Амала, ажәытәан ашьхақәа рыхьӡ
аныр­шоз, иандыртәоз аӡы амоу иамаму адырбон, ус иаҳа
иманшәалоуп, аӡы аманы нас иахьамӡаақәазгьы ҟалеит,
аха. Уажәы Мамзышьха иаҳәо закәу здыруа, ӡыржәтә
шьҭы­мхкәа даҿалаӡом, дхалаӡом. Абри аган ахь ала уи
ахьӡ иаҳа ииашоуп, хәарҭа алоуп. Насгьы аԥсуа-шәыла,
саӡ-ԥсуала мзы, мызы – аду, аҳарак ауп. Иара Бзыԥи Жәҩа­
кәареи – ари акәара хәыҷы ахьӡ ус иркьаҿынгьы ирҳәоит
– рыбжьара 15–20 километр инеиҳангьы наҟ ӡыржәтә
ама­ӡам, ӷырроуп – ари ажәа ҩ-ҵакык амоуп, исҳәахьеит.
– Уи бзиоуп, Мамзышьха атәы удырит, аха егьи ашьха
ахьӡаз иҳауҳәои? Иара ҩбангьы иамоуп, еиҳазаргь ҟалап.
– Ари исуҭо узҵаара рацәак исгәаԥхом, – иҳәеит Чагә.
– Избан?! – иааџьеишьеимт Ҟансоу.
– Мамзышьха шьхоуп, егьи ҿаҟьоуп. Уара шьхоуп
уҳәеит, сужьарц иуҳәеит!.. – изаҳазгьы ааибарччеит.
– Исыҵимхи уара!.. – иҳәеит Ҟансоугьы дԥышәырччо.
– Ҿаҟьароуп, аха ашьха иатәуп, – нациҵеит нас.
– Уи мрагыларахьтә иаауа Ҳабыз ақә иатәуп, аҳәҭа ду
ауп, ҽакала иуҳәозар, алаҳәҭоуп; Мамӡышьха аасҭагьы
иҳаракуп, марда цәгьоуп, хоуп, ӷоуп. Аҳашҳәаԥсалара
ла­ҳәаны иамоуп, ахьӡқәагьы акым-ҩбам, рызегь ҩбаҩба­ла еивартәаны, ани ушәақь еиԥш еимҿаԥаны, насгьы урҭ ахьыӡқәа еиҳаб-еиҵбыла ҳәа иҟоуп. Ажәытәан
рын­ҵәамҭаҿ гь ма гьа, ҳә ма ҳәа рыман, аха нас рацәак
иԥшӡарымтәуашәа анаба, имаӡашәарахеит. Уи алаҳәҭа
убарҭ ажәытә хьыӡқәа роуп абарҭ: Мсахала – Мсы аха
ла(ҳәа), аха ла(ӷь)(а), ма Мсы аха ла(ҳә)(ҭа), аха лаҳәы –
усгьы ауеит; Мсахыла – Мсы ахылагь(а)(ра) акәын... Убас
иртәан Бзахала – Бзахыла, Ԥсахала – Ԥсахыла, Мзаха-

ла – Мзахыла, иҵегь иркьаҿны Ахала – Ахыла ҳәа усгьы
рҳәон; абарҭ еиқәысԥхьаӡаз заԥхьа ҳа гылазгьы ыҟан.
Мс(ы), Ԥс(ы)... Бзыԥ анкьатәи ахьӡқәа иреиуоуп, раԥхьа
Ԥс, Мс ҳәа иркьаҿӡан акәын ишыҟаз ҳәа ус зҳәоз ыҟақәан
ажәытәуаа. Ус акәӡами, Ҭамшьыгә, ԥаса зны уара уҟны
абри анцәырырга ишырҳәозгьы? – днаҵааит Чагә.
– Усҟан иуҳәаз уажә иагужьқәазгьы ыҟоуп, – иҳәеит
Гәыблыи Ҭамшьыгәгьы дахьтәаз. Уаҳагьы даламлакәа уа
даангылт.
– Уа уиашоуп. Ҳабыз ҳәа сызҿыз иара асы анықәҵ­
лак ихыиқәаҵәаауп, ихыблаауп, аха ҽакала ицәажәаргь
ауеит. Пиҵунда ҳәа сызҿызынтәи уҩықәгылан иара аш­
ҟа уԥшыр, аҟә акәушәа, ҳәадоушәа ус унарбоит, аха уажьоит. Ари аушәақә иазыртәоу ашьхара ладахьтәи аган
ҩызы аҵәҵәаԥшь ауп, ахықә ауп. Абри ашьха мрагылареи мраҭашәареи ҳәа аҽеиҵыхны, аҽырхәхәаны иҟоуп.
Ахаҭа Бзыԥ аӡиас ҩада-мраҭашәарахь иахьцои, нас иавалан иааны иахыкәшан иҵәины лада иахьцои наҟ-ааҟ
ирбыжьдоуп, ҽакала иуҳәозар – аха ауп: бжьындоуп,
қәсыр­ҭоуп... Бзахы, Бзаха ауп. Аха ахаҭагьы шьхами,
жәытә­ла хоуп – Хабзыха, Хабзаха ҳәа усгьы иартәоит.
Уи а­кы. Ҩба – ашаха, ашашәа ма арахәыц зҳәаз иеиԥш,
ҩ-ҵә­­ҩанк нахьхьии аахьхьии ирыбжьудозар – иуҳауеит,
ац­ҳагьы ҩ-ҿықәк, ҩ-ԥаҩк, ҩ-цык – еиманадоит, иаҳауеит,
ацҳа захьӡугь убриоуп, уара иузымдыруан ҳәа акәым, аха.
Изхысҳәаауа, абри ашьха Бзыԥ аӡиас убас иаҳауеит, еиманадоит нахьхьии аахьхьии, мраҭашәареи мрагылареи ҳәа
ассеирҭақәа – усала Ҳабзыха, Ҳабзаха ауп... Ари жәытә
мҩоуп, қәсырҭоуп, ха дууп, иуадаҩзаргь, ишәарҭазаргь,
икьа­­ҿуп, уарласуеит, издыруазгьы маҷзар акәхарын,
шьхам­­ҩоуп, имаӡазаргь ҟалон, аибашьрақәа раан излам­
ҩасуаз акәзар ауеит, ӷрала – иаӷралан, ҩнуҵҟала, маӡала
ҳәа, џьара аныҟәарҭа амазаргь алшоит. Ажәытәан, аи­
башь­рақәа раан, ӷрала иныҟәон рымҳәозиз... Абарҭ ахьӡ­
қәа анкьа ԥлыи, ԥла ҳәа анрыцызгьы, изцызгьы ыҟан.
Жәы­тәла ԥлыи, ԥлеи, ԥла – гәаҩа дууп, ԥсҭа-гәаҩа дууп,

ԥсҭа-гәаҩа ду гыларҭазаргь ауеит, иаӷрысырҭазаргь, иҭы­
сыр­ҭазаргь ҟалоит... Абас иҟоуп абри ашьха, абри аха
ҳәа ацырҵоит, ус цәырыргоит. Убри адагьы ԥлыи ма ԥла
аҵә­ҵәаԥшь, ахықә хәхәа ҳарак ду акәзаргь ҟалоит, усгьы
ицәажәоит. Абри адагьых Ҳабзаха мрагыларахь ахы рханы итәоушәа иҟоуп, ԥстәҵас аҿы аартуп, хаҵас абыз амоуп – ҳабзыха, бзыха – аӡырҩашгьы аҿыҵуеит. Бзыԥ иалало егьиуа... Абри зеиԥшу закә ԥстәу еилызкаауа маӡа дук
из­аа­нартуеит ҳәа усгьы рымҳәозиз... Уи уажә ҳаламлап,
иоу­цәахоит... Ари загсыжьуаз, иаҳзахьымгӡаргьы, аҽы­
рыҩ­­ра иаҳцәалагаргьы ҟалоит, ҳәоуп... – иҳәеит Чагә.
– Акәымзар, иҵегь ахьӡқәа, аҵакқәа амоуп; Хабзахара,
Мза­хара, Мсахара, Бзахара... ҳа, ха ҳәа раԥхьагьы знызын­­ла инаргыланы; ара ра – аду ҳәа ицәажәаргьы алшоит,
жәытә­ла уи га ма ха ахьакәхогьы ҟалар ауеит...
– Уа Чагә диашоуп, иааҳарласроуп... – днақәшаҳаҭхеит
Маҳҭгьы. – Узҵаараз иуеиҳәаз аҭак иахуҳәаауазеи? – дна­
ҵааит нас.
– Ибзиоуп, усоуп! – иҳәеит Ҟансоу.
– Ус акәзар, егьи, абыжьбатәи, азҵаарахь ҳаиасуеит.
Амаба Кьагәа, ҳаузыӡырҩуеит! Гәаран уа иутәуп.
– Чагә, иара убри Бзыԥ аӡиас ахьӡ иҳанаҳәозеи? – дҵааит
Кьагәа. – Раԥхьаӡа иахьӡыз руа иарбану ҳәа иудыруеи?
– Уара, Кьагәа, абри Бзыԥ ахьӡ закәи ҳәа ушсазҵаауа
аӡәы иаҳар, уара узы иԥхашьараӡами?! – иҳәеит Чагә
дԥы­шәырччо. – Ара увараҿ иҟоупеи!..
– Зашҭа уҭоу иашәа ҳәа!.. – иҳәеит Кьагәагьы. – Иузым­
ҳәар, ақәҵа уиҭаӡом!..
– Иашҭа акәу иашхәа акәу сызҭоу?.. Мамзаргьы – иашы
салоуҵоу?..
– Уҭахызар ашхәагьы уҭаз, аха иашәа ҳәа!..
– «Иашәа» акәу «ииа шәа» акәу, «ииа шәшәа» акәу ис­
ҳәо?..36 Мамзаргьы исҳәҳәоу?..Жәытәла аиа – ахырхарҭа ҳәагьы ицәажәоит, аӷба акурс
ауп; ашәшәа, ашәшәы – ԥшоуп; аҳәара – аӡаӡа аҳәоит, аӡгьы убас,
аԥшагьы убас – зашхәа уҭоу ихырхарҭала, ииала аԥша изаага, изарс, изҳәа ҳәоуп усала иаҳәо.

– «Араԥ дызҭам ӷба зныҟәом» акәу, «Раԥ дызҭам ӷба
зныҟәом» акәу, «Раԥды зҭам...» акәу, араԥыд акәу, араԥ­
дыз акәу!.. Араԥдаҳ(а) акәу?.. – иагьаарччеит.
– Араԥды акәу, аӷаԥды акәу?.. «Аӷа» аҟнытә акәу?..
Акәны акәымхаӡеи?! – еиҭаарччеит.
– Ӷоу, хоу, роу?!
– Раԥхьа агба (а́)ӷажә акәзу, нас ражә ҳәа иҟарҵоу, жә
анаҵәах, ра акәхоу?!
– Уи уиоуп, аха Бзыԥ?
– Бзы, ишудыруа, аӡыхьқәа иреиуоуп – бзы, бза, база...
«узылԥшны иубо», «аза», «ацқьа» ҳәа ицәажәоит; аӡы
шакәу цқьа аилкааразы ажәытәан бзыжәа, иҵегь наҟ
жәытәан – бзыжәжә ҳәа иҟан. Нас, игәаау здырхуада,
аҵыхә аҵәахт. Бзы ӡиасны идузар – бзыжә ауп, аԥсҭа ду
ма аҩхаа ду иҭазар – ԥажә, ԥыжә ҳәа ацлоит, аха жәқәа
аӡоит, Мықәажә, Мықәжәа ҳәа ишыҟаз еиԥш.
– Ԥыжә, ԥажә,.. еиҩхаа дуқәоуп?
– Усоуп, ԥ, ԥԥы – азы иара иҟанаҵаз аҭҳәаауп, иажыз
ауп; ԥа, ԥԥа – изҭалаз ауп ма изҵысуоуп... Егьыс, бзы
иҵегь аҵакқәа амоуп, аҵак дуқәагь, џьара б аууп, џьара
з аууп, џьара – аҩбагьы, аха уажә урҭ срылалом, ара саангылоит.
– Ҽакы заҵәык иадамхаргьы иҳаҳәа!..
– Уара, уи аӡы иаҵанакӡомеи, иалаӡам!
– Сануҳәах иҳәа, иахәа!.. – иҳәеит Кьагәа ирхәмарны,
егьырҭгьы ааибарччеит.
– Ибзиоуп нас, – иҳәеит Чагәгьы дԥышәырччо. Нас
днаиазҵааит: – Ажәытәан аиқәаҵәа ҽа хьӡы уарла-шәар­
лакгьы аман рҳәон, иуаҳахьоума?
– Ашәы!
– Уи акәым. Уи ахәыҷгьы иҳәап...
Кьагәа даахәыцын:
– Ацәыбблы! – иҳәеит.
– Мамоу!
– Ацәыггара! – иааибарччеит.
– Мап!

– Нас иарбану?
– Аббыза, аббыз!.. Ари азы акәушәа уарҩашьар ауеит...
Амца иалсхьеит, амца ахысхьеит ҳәоуп иаҳәогьы. Убас
иҟоуп аԥхьан Ҟансоу зыӡбахә иасҳәоз Ҳаббыз аха. Уи асы
кыраамҭагьы иқәуп, ианықәҵлак еиқәаҵәаӡоуп ишыҟоу.
Алаҳаӡы ма Пиҵунда аԥшаҳәантәи угылан уԥ­шыргьы,
анаџьалбеит, заҟа иҳаракузеи, ас амца иабалси еиқәаҵәаӡа
угәахәып. Аха уи ахьыӡ уиала мацара ир­тәам. Иҵегь
еилукаартә иуҳәозар, жәытә ԥсуа-ашәыла ҳаб­бы нас ҳабы
ахәада иахьӡын, аԥҳагьы – жәытәан уи ҽа хьӡыкгьы аман.
Изыԥшаауа аартырак ҟаиҵоҭгьы рым­ҳәозиз; арҭ ззы,
зза ҳәа рыцлар – ахәада ду, ацҳа ду ра­кәын, аха нас з-қәа
акахьы иианагеит, ахәадеи аӡи – бзыи(бзеи) – рыхьӡқәа
реиҩдыраара аруадаҩит. Иахьа урҭ реиҩдыраараз абри
удыруазароуп... Ҳабззы аҟны аԥхьа ха анырҳәозгьы ыҟан...
– Уаҳа?..
– Уара, «ҽакы заҵәык» умҳәаӡази?! Уаҳау?!
– Аҳы нас, бзиоуп, аха уаҳа ацымҵаӡакәа Аалӡгаҟа
ухынҳәуама? Гәыԥҟа?
– Убригь ажәытәан Аҳалӡга(жә)(а) акәын; аҳалӡӡ,
аҳалӡәӡә аҟнытә, иаҳәҳәоит, иаҵанаҳәҳәоит. Аҵыхәахь
арраан, иахьшьшьу, угәуҽанымзар, уҵашьшьны уахьа­
куагьы ыҟоуп, уҵалошәа ануба – уамеисакәа ҽаџьара уиасроуп, ахыкәшараз умаашьароуп.
– Ажәытәан аӡы бзыжәа, бзыжәжә акәызҭгьы, аҵыхәтәа
заҵәахуеи, амаӡашәаррахь изианагеи, иҟәыннашьартә
иҟаӡамеи?..
– Ирцәеилаҩашьан акәу, бзыжә ҳәа рҳәо ианалага,
иаҵәахит.
– Избан?
– Уара, абзиара узыҟалааит, еицырдыруа, аха Кьагәажә
ҳәа аӡәы иузиҳәар, угәы иахәоума?
– Иалсуеит.
– Егьигьы убасоуп, жә – аду, ажәытә ҳәа ицәажәоит,
аха «рацәак иаԥсам», «иқәсхьоу» мамзаргь «аилымга»

ҳәа уахь изырхозгьы дҟалеит, ари аӡы иазукыр ҟалома,
иаргәаауеит, жәа ма жәжә роуп иара иахәҭаны иаԥхьаӡо...
Абри аҵыхәала жәытәан аибашьрагь ҟалахьеит... аха уи
аҳәара ҟалаӡом зҳәақәозгьы ыҟан... Ара иҵегь аҳәатәқәа
ыҟоуп, аха аригь азхап.
– Бзиоуп нас, Бзыԥ ани ԥ ҳәа иацу иҵегь аҳәоны ҳәа
ирҳәоны ҳәатәыс иуаҳахьоузеи? – ирхәмарны дааҵааит
Кьагәа.
– Ԥ ада уаҳа акгьы ацӡами иара? Сасык дааир, иааиз­
цәыраагаша?! – даахәмарт Чагәгьы.
– Иацӡам!.. – инаҿаиршәт Кьагәа.
Чагә дааԥышәырччан:
– Ԥ заҵәык ада акгьы ацӡам уҳәеит, Бзыԥҭа ҳәа иахьа­
шьҭоу адгьыл аӡбахә уаҳахьоумашь?! – иҳәеит ирхә­мар­
ны, изыӡырҩуазгьы ааибарччеит. Нас еиҭархә­марны
инациҵеит: – Абри абасгьы шацыз шудыруаз акәызма
абыржәраанӡа исамҳәаӡакәа исыҵакны иҵәахны ушсыд­
тәалаз?!.
– Асҟаамҭа аӡбахә анцәырумга, ус акәгьы анумҳәа,
ихазы иҭахызар акәхап, аӡәгьы ииҭом, зақәҿимҭуагьы,
изцәыримгогь уи акәхап сгәамхәызи... Уара уи шудыруаз
шыздыруаз здыруаз дудыруаз џьысымшьози!.. – иҳәеит
Кьагәагьы дырҩегьых ирхәмарны иааиԥишьын.
– Ишыздыруаз шудыруаз абаздыруаз издыршаз изым­
дырӡеитеи! – аҭак ныҟаиҵеит Чагәгьы дԥышәырччо.
– Иаҳәауеи нас Бзыԥҭа?..
– Иахьатәиала, Бзы аӡиас аҩхаа, Бзыԥ аӡиас ахьамоу,
иахьыҟоу, аԥны, аԥҭа ҳәоуп иҳәоу.
– Уи иахьатәиала, жәытәла?
– Ажәытәан Бзы-ԥ-ҭаҳ(а) ҳәагьы ыҟан; ԥ – ԥсҭоуп, гәа­
ҩоуп, еиҩхаауп, иахьарԥо акәзаргь ауеит – уи сҳәа­хьеит,
ҭаҳ(а), аҳ(а) – аду, аҳ, аҳарак... – ауп – Бзы ду, Бзы аҳ, Бзы
ԥсҭа ду... ҳәа ицәажәоит, ԥҭаҳгьы усоуп иаҳәо, аҵыхә­
тәантәи ҳ(а) аҵәахуеит – умбои уигьы шыҟаҵо, ахӡыргара
аҭахым... Ус акәмыз ажәытә аԥсуа дшыҟаз... Ари Бзыԥҭа,
Бзыԥҭ ҳәа усалагьы иартәоит, ҭа – аҭыԥ ҳәагьы ицәажәоит.

– Бзиоуп, ҽак уасҳәап, Чагә?!
– Ыы?
– Абри Кәыдры ԥсҭа амаӡами, аҩхаа?
– Иабаҭаху?! – иҳәеит, иагьаарччеит.
– Нас уи Кәыдрыц ҳәа ахьӡ зыдмыртәеи?! Араҟагьы
убас Кәыдры еиԥш Бзы ҳәа иҟарҵар еиӷьӡамыз, ԥ егьи ҳәа
аҿырпынқәа зацырҵа?
– Ҿырпынӡам, сырпынуп, иҵегь амаӡашәарқәагьы
амоуп.
– Ус зыҟалеи ҳәа иудыруеи? Убригь ҳзацҵа! – иҳәеит
Кьагәа.
– Аԥсны Бзы зыхьӡыз аӡқәа акымкәа-ҩбамкәа ианы­
ҟала, убас идыртәеит, убриоуп, – иҳәеит Чагә.
– Иабаҟоу Аԥсны уиаҟара зы Бзы зыхьӡу?! Кәтоли Тамшьи ирымоуп Бзана ҳәа ӡ-хәыҷык, уаҳа иабаҟоу?! – деи­
ҭаҵааит Кьагәа.
– Ажәытәан Аԥсны дуун рымҳәоз, Қәҭеишьгьы зны
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3683
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2262
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3647
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3613
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2215
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3759
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2132
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2356
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3624
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3581
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2231
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3571
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2337
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3713
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3623
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2146
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3575
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2293
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2391
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3723
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2236
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2323
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3663
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3428
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1451
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2515
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3728
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 422